LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аҽыкәаҳа - 23
Süzlärneñ gomumi sanı 3619
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2419
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
дналагылт.
– Знымзар-зны ҳәа сгәыӷуан… – лҳәеит уи хәыҭхәыҭ
ла. Лыблақәа кәеицеиуа ацәыҵлашьцара ианыԥшуа
иаԥхьа дахьгылаз. – Уаха, аахәлазар, слаԥықәшәа
«абар, абар» аҳәон…
Уи зынӡа ацәа далҵхьан, лиарҭа дықәтәан дизыԥ
шыҵәҟьазшәа.
Иара ихы шхаз инапы ӷәӷәақәа аалыкәыршан да
наалыха, лхы игәышԥаҟынӡоуп иахьынӡаҩаӡаз. Дша
ҳәшаҳәуа, дтамтамуа дыҟан.
– Аа, сушьуеит, – акыркырҳәа дааччеит уи лыбжьы
аҵәы иахаҵаны, – уажәы усҟак уҽумырххан, иаасара
ӡеи… Уҽеилых, ццакыра ҳамаӡам…
Дышцәыҵаччоз, ара-ҵла адац дҭысуашәа, хәыҷык
иааиркәадаз Дигәа инапқәа лхы нарыҵылган, хымаԥсыма иҳәынҵәрақәа днарышьҭалт деилылхырц.
– Сгәы ԥҵәахьеит сара… Схалазаҵәык… – даҿын уи.
Дигәа ици-ишәи еихамгыло дарыхьҭашьызшәа деи
ҵасуан. Ишьамхқәа ракәзар, иҵагыломызт, аффаҳәа
иҵакәашон.
Деиҭаҩалзыҭрысын, иҽыларҟәшәа даашьҭикәы
цәааит. Лгәыԥҳәқәа ҟасҟасо, лхарԥ иҭырҩны инеи
гәыдҳалт. Лцәа-лжьы ашыра, аҩы џьбара еиԥш ишьаида иҭалан дааимнадеит.
– Иҟоумҵан, умыццакын… – дҳәаԥы-ӡыԥуа дааӷьа
ҵәыӷьаҵәит лара. – Минуҭк… Соушьҭ… Умыццакын…
Убри аамҭазы иара дааилууаан, акы дакӡамкәа аҩада
ахалара далагазшәа ибеит. Нас минуҭк аҟара адунеи
зегь ишьеи-идеи ирҭысны ицон… Даагазҽазын, арахь
данааиуаз изнымкылоз имч зегьы илаԥсылмыткуа,
дхьасаҟәӡа, дхьанҭаӡа днеиқәаҳаит.
– Дигәа… – лҳәеит уи дшәаны, аӡы шыцәаз ибаны
илҳәоз лҿамшәазшәа – иахьа аус суӡом… Шәахьоуп…
Дигәа, уи деиҭалыдкьыслар ҳәа дшәаны, аца даблыз
шәа дҩаҭрысын, даанаскьеит. Нас ашә ааимԥааны
дындәылҟьеит.Шьашькәа аҩны данааи, аԥшасра хыжьжьахьан.
Дкараха, деиҭанамго агәашә лыҽнадылҵеит. Лылахь
ааиҵыхны данынаԥш, аӡә дуауаӡа абарҵа дшыҵагылаз
лылаԥш наиқәшәеит. Зныказ лгәы нҭыԥсааит, аха
уаҳа дымхьаҳә-хьачакәа уахь лҿыналхеит. Амардуан
данынкыдла дылдырт ари Шьасиа шлакәыз. Уи лҿы
наҟ ирҳәны дгылан.
– Ибыхьзеи, бара?! – лгәы ҭыԥсааны, лыбжьы лыз
ҭымкаауа, уи лнапы лгәыҵаԥса дахьгылаз дааиԥ
хьылшьшьааит Шьашькәа.
– Быԥҳа бгәы ҭылгеит…
Уи лыбжьы уаҩ имхацәгьахартә иҟан.
– Иҟалазеи?! – зынӡа лыԥсы цаӡаны дҵааит
Шьашькәа.
– Дабаҟоу Шьыта?! – даалҟьеит Шьасиа лҽаалыриа
шан, аԥша еиланажәжәаны илхагылаз лхахәгьы лнапы
налылшьит. – Бара ибзымдырӡошәа бызцәажәозеи?!
Сара соума абри аҩнаҭаҿы зегьы зцәышәҵәахуа?!
Исыдыжәбалазеи, исыхьзеи абри сара, издыруада схы
еиқәшәамзар, сара исызгәамҭозар! Исашәҳәа бара,
исашәҳәа! Уи аҿоума шәахьысцәыԥхашьо, смаршәа
ахьышәкуа! Даҽаџьара шәсыӷрагылазаргьы, шәсы
хәамԥшӡакәа шәсыӷрысуеите!
– Дабаҟоу, бара, Шьыта?!
– Иазхоуп ҽырдагәа аҟаҵара, иазхоуп ҽмырҳа аҟа
ҵара, сан! Сызусҭада абри сара, скашәарахума, снаш
ԥоума?! Бара бами уи цқьа издыруа, иҳәа! Иарбан сара
шәызсывсуа, иарбан?... Исашәҳә, шәуаами, бара!
– Иҳәа, бара, иҟалаз!
– Издыруада сара сахьыԥҳәызбатәахьоу азы шәы
лахь ада ԥысҵәазар? Шәысцәыԥхашьо аҟынӡа шәнеи
зар?! Исашәҳәа, ианбанӡасцәышәҵәахои? Аха убри
аҩыза агәаҵәа шәызҭоуп шәызынтәык, убри азоуп ус
шәзыҟоугьы! Абри аҩны, абри еилаҵәыҵәы иҩнажьу
ауп шәара хәыцырҭас ишәымоу! Убри шәшахыбаауаз
шәыбжак агахьеит! Ауаҩ иакәым, ашәарахгьы иарииз
азы шьац ԥшқак аԥшаауеит.
– Баҟәыҵ, баҟәыҵ, уажәшьҭа! Иазхоуп! Исаҳәа иҟа
лаз! – дныҩныҳәҳәеит Шьашькәа.
Шьасиа, лҽааиқәылкит. Аха цқьа дыхьшәашәаанӡа
ҿылҭуамызт.
– Шьыта дцеит… Хаҵа…
– Дзыццада?!
– Заур!
– ?!
– Заур… Аџыр иԥа!..
Шьашькәа лҿы иҭахысызшәа, иахьааихылхыз ус
даанхеит. Дгыла, дгыла, дгыла, нас деиҭанамгошәа
лҿыналхан, иҟьаҟьаӡа иаартны иҟаз Шьыта луада
дныҩнашылт.
Ашифонер ҟьаҟьа ду ашә аартын. Шьасиа лҵык
қәак қәықәма-шәықәмаха, икалкало акнаҳагақәа ир
хьынҳалан. Уаҳа хыхьгьы-ҵаҟагьы џьара цаха ҭар
шәмызт. Ашифонер аханы иқәгылаз хәыҷи-дуи хә-ча
маданк ыҟамызт. Ауада ҩныкка, иҭацәӡа иҟан. Шьыта
лиарҭа шьҭыхӡамкәа, еилажәжәа лкаруаҭ ианын.
Шьасиа луадахь ихаз ашәгьы аартын иҟьаҟьаӡа. Уб
рагь арадиоприомник ахьықәгылаз иккаӡа иҟан…
Шьасиа луада даныныҩнала, арадиоприомник
ахьықәгылаз днықәтәан, лхы кны дхәыцуан.
– Наҟ азалахьгьы быҩнал, ус баналага, – лҳәеит Шьа
сиа лан длыхәамԥшӡакәа, – УИ акәзар иббарц ибҭаху,
уахьынтәи илгазгьы рацәоуп…
– Шәара усгьы сара зынӡа сыԥсыз џьышәшьоит,
– лҳәеит Шьашькәа дацҵымҟьакәа, – амца иагааит
зегьы, шәара шәахьалакым!
Ашьшьыҳәа днеин Шьасиа лиарҭа днықәтәеит, аурҭ
бааԥс иапҟаз аԥсаатә еиԥш дхьышьшьы.
– Аниҵәҟьа дышԥаиццеи, – лҳәеит уи, – лхы зрыцҳа
лымшьазеи, лҽызҿалыршәда?..
– Уахаҵәҟьа ари шылгәаӷьуаз здыруандаз… Аха
зынӡа исызгәаамыгӡеит… Абиблиотекаҿ иаргьы лар
гьы ацәашьы ырцәан иштәаз санрыхҭыгәла, исҳәашаз
сҳәеит… Саҳәшьа лыхәҭаагь убра салгеит!
– Ианрыҵыбх, лыԥсгатәы лыман дықәҵит… Иҟа
лақәоз еилылкаазар акәхап… – аҵәыуара дакуан
Шьашькәа.
Ԥыҭрак ҿымҭ итәан ангьы аԥҳагьы.
Ашьҭахьшәа Шьашькәа, аҭҳарцәҳәа дҩаҵҟьан, азал
ахь днеит. Хыла-гәыла еилаз амаҭәақәа днарылсын,
иаркыз аԥенџьырқәа аартуа лҿыналхеит.
Аихаҵәқәа хыма-ԥсыма иаамхны, аӷьеҩҳәа икыд
ҟьо, дакәшан шәгьы ԥенџьыргьы ҟьаҟьаӡа иаалыртит.
Иҿыхаӡа иҟаз шарԥазтәи аҳауа неи-ҩеиуа ауадақәа
инарыҩныст. Аха алашьцара акраамҭа ус иҟәазгаӡа
аҩны иҩнатәан.
Шьасиа дҩагылан алашара алыркит.
– Бызҿу закәызеи, мшәан?
– Сызҿу-ба? – наҟ зҿы рҳәны аԥенџьыр иадгылаз
Шьашькәа арахь даахьаҳәт. Уи лыԥсҭазаараз даара
акрызҵазкуаз уск лыӡбозшәа, лхы-лҿы еицрашәаны
дыҟан. – Сара издыруеит урҭ усҟак уи лхы-лгәы изҭалаз
излышьҭаз… Акаҿы иаанымгылакәа дагьзыргаз… Из
дыруеит абри аус абасҟак ихәжәаны изыҟарҵа!
– Изакәызеи ибдыруа сан?!
– Издыруеит!..
– Саргьы издыруеит…
Бара ибдыруа мацара акәындаз…
– Сара зегьы здыруеит…
– Зегьыҵәҟьа абабдыруеи!.. Урҭ зыргәаҟуа аҽак
ӡоуп… Аҭаҳмада рыцҳагь изшьапык ала аҳаҭгәын
дышҭагылоу рбоит… Иахьеи уаҵәи иԥсыша иоуп…
Урҭ шәара шәуаӡәк ишышәтәхо уеизгьы ирдыруеит.
Уи лыбла ԥшӡақәа ракәӡам дхызхыз… Сыԥҳа лыблақәа
ихырымхшаз дызусҭадаз! Уи лыԥшӡарагь, лҟәым
шәышәрагь цыфак еиԥш иршьеит… Агәыхәҵәҟьа ЕГЬИ
ауп. Избан абас изыҟаларыз, излықәнагаз уи сара сыԥ
ҳа?! Избан?! Иҷышәын ларгьы саргьы ҳлахьынҵа!..
– Бҽынкыл, сан!
Шьашькәа лыблақәа алабжыш рыхгылан.
– Шьасиа, бара ибыздыруам… Зегьы. Бара бгәы
бзырхьқәоугьы здыруеит, урҭ саргьы игәнысымго џьы
бымшьан… Аха сара уи исзацуп уаҩ изхымгаӡо…
– Бҽеиқәк, сан, иазхоуп!
– Урҭ ргәы иҭаркқәаз здыруеит… Даарагьы иӡбаны
иҟаҵоуп, аха уи ианакәзаалак ҟалашьа амам. Убри
рдыруазар зегьы аҽакала иҟалон.
– Сан, бызҿу закәызеи, быԥҳа блылаӡеит, егьи быз
ламӡахуа иарбану?! Ларгьы сыс-мҟаак лакәӡам, сан.
Урҭгьы зеиԥшроу бдыруеит, аха рхы длыркырц иҟоуп…
– Убригь здыруеит… Сара ус сыҟамызт, аха уи аҽа
шьоуп ус дҟазҵа… Уи ашьа иара атәы ианаргеит…
– Уи ишԥа… Ҳара ҳшьа?..
– Бара бакәым! Уи… Аҽа шьоуп илылоу!..
– Сан?!
– Усоуп!.. Бара шьҭа ибцәызӡо закәызеи… УБРИ
АҼНЫ инаркны бан дыԥсхьан! Уи лыбаҩқәа уажәы
абра лцәа иҭаԥсоуп, аха лхаҭа убри АҴӘАҚӘА рымҵан
джуп…
– Сан?!
– Убри аҟынтә, урҭ аҵәақәа зтәу бара боуп. Шьыта
лус алаӡам! – лыблақәа шаҵәышаҵәуа ашырҳәа дҩаҵ
ҟьеит. – Ианбанӡасҵәахуеи ари, ианбанӡа?! Сцоит.
Иара убраҵәҟьа, зегьы шеилагылоу ирасҳәоит!.. Баша
ирҳәо џьыбшьома, агәырҩа маӡа уаҩ дагоит ҳәа. Уаҳа
сахәарҭаҵәҟьам сара, сахәарҭаҵәҟьам!!! – ашырҳәа
ашә ахь лҿаныналхоз Шьасиа дналыхьӡан, лнапы аа
лыкәыршан дылкит.
– Сан, сан барамыжда, беилагама, ҳахәда ԥыбҟома?!
Ҳазлаҟоу ҳара иҳазхоит…
– Инеиҭаргаша баб, изсанаижьзеи, сзимшьызеи уб
ри ауха… Дзимшьызеи уи алахшагьы, адунеи цқьам
хоз! Сыԥсы сымшьоз саргьы!.. Анышә, анышә, анышә
– убри ада сара сыԥсы згарц сыҟаӡам уажәшьҭа!
– Сан, сбыҳәоит, сан, бҽырҭынч! – Шьасиа ауеимада
ҳәа инеималҭәеит. – Уиеиԥш иагьаџьара иҟалахьеит…
Иааурызеи нас, убас ҳлахьынҵа ианызар акәхарын.
Ҳҽыргмыгны, ҳазцәымӷу ргәы иахәо зыҟаҳҵарызеи?!..
– Уажәы ус бҳәоит, аха бгәы иаанагогьы здыруеит!..
– Сан, ибыхьзеи бара мыжда! Сара сҩыза амц
иҳәар дҳашҳатәарахап. Сара агәра ганы сыҟоуп бара
ишыбхарам… Саргьы зегьы банасыжьуеит, сан, зегьы
зегьы, зегьы! Убри бара бзы акы иаԥсазар… Бара
ишыбхарам здыруеит, избанзар… Бара сара бсеиԥшуп.
Шьашькәа лыԥҳа дҩалыҵаԥшын, лҽааиқәылкшәа
луит. Нас днеины адиван днықәтәеит.
– Шьасиа… Бара бзоуп адунеи сзықәу уажәшьҭа
рнахыс… Бара аӡә заҵәык бзы. Амала бара бтәы
аҽаӡәы игар ҟалом. Быҩны алҩа бара иҩабышьҭроуп,
быҵәҩаншьап бмырӡроуп акәымзар, нарцәгьы неир
ҭа сиҭашам баб… Шьыта разҟыцәгьа, Шьыта зхы
зфаз… – лылаӷырӡқәа лҿыкьаса рҿынархеит. Дҵәуон
уи лыбжьы мыргакәа, дымқьызқьызкәа, ус лқьышә
еихарӷәӷәа дтәаны.
Адәахьы ицәылашон. Зԥенџьырқәеи зышәқәеи
аатыз аҩнгьы, иԥхашьа-ԥхаҵо иҩналаз ацәылашара
иааҩннарҭәааит. Ажәҩан алахь еиқәышьшьы аҩны
иҩнаԥшуан.
ИАНШ АҨадантә макьана ашьхақәа аҩны иҩнаԥшуам аб
жьааԥнеиԥш: урҭ макьана аԥсҭҳәақәа рхаршәуп. Ла
дантәгьы амшын иаҵәара уаҩ ибарҭам: ажәҩан аҵахь
ихәашьуп, насгьы, иахьынӡахәҭоу имшац макьана.
Аха иккаӡа аранӡа иааҩуеит ҵаҟа аиҩхаа иҭҵәраа
ны иҩеиуа адәыӷбақәа рыҵәаабжь.
Азаақьҳәа ацәылашара иалҟьан ҩынтә раҟара иааҩ
хьеит аӷба абжьы.
Еергьҳәа аранӡа иааӡоит ҵаҟа аҭшәарраҿ изеивым
суа аидарашьҭыхга машьынақәа ахьеибарҳәҳәо.
Аха уаҳа Басиаҭ ихьӡ ҳәаны ҿырҭуам урҭ… Из
банзар… Изаҳауа дыҟам…
Икараха, иҟәиҭхан игылоуп аҵәақәа рбаҳча. Иӷәы
хны, иккаӡа игылоу егьырҭ ашәаԥыџьаԥ рылымкаа,
урҭ иахатәи аԥша иацәыргеит имшлацыз рыбӷьы.
Амала, иҭаамкәа иҿахаз, зышәра иахыԥахьаз аҵәақәа
аҟәыбеит, ҵаҟа абӷьыжә иалаӡны иалаԥсоуп…
Убарҭ аԥсҭазаара зиҭаз аҵәақәагьы, уажәраанӡа
ихьӡ злаз абжьқәагьы Басиаҭ иԥсҭазаара иалҵит, иара
дара дышрылҵыз еиԥш.
Аха урҭ рыԥсҭазаара макьана акыр ааԥны, акыр
шәҭра-аамҭа азыԥшуп…Дигәа игәы бжьысны, ихы дацәыԥхашьо амҩаду иа
ныршәланы дцон иҩныҟа ихы рханы. Ахәышәтәырҭа
дазааигәаны даннеи, игәеиҭеит еилагьежьуа еила
гылаз ауаа. Убасҟаноуп аҳаҷаҳәа ианааигәалашәа урҭ
зусҭцәаз.
Иҟоузеишь, анаџьалбеит... Дышԥеилгеишь уи аԥ
ҳәыс?..
Иацы акәын аҳақьым дыҩны даниԥылаз. Иацы
ашьыжь! Игәаҟуа изгьы шықәсык инаӡозар акәхап ари
аамҭа!..
Еилагәжәажәо еилагылаз ауаа ргәырҩа, рыгәҭыха,
баагәарак еиԥш инаидӷәӷәалазшәа ибеит Дигәа.
– Макьана аӡәгьы?.. – дҵаашәа иуит Дигәа.
– Дгәаҟуеит...
Зегьы инарылгашәа зыбӷьы ҿӷәыхаа иҟаз ахьа-ҵла
амҵан дгылан Сунар. Уи дахьынагылаз дадырсызшәа
дҵысӡомызт. Макьана цқьа иахьымшацыз акәу, уи
ихы-иҿы хшәааны иҟан.
Еилагьежьуан, еилагьежьуан игылаз зегьы. Даргьы
маҷҩымызт. Ҳәсақәакгьы рхахәқәа рнапқәа нарыла
куа, рыӡӷқәа ҭыбӷаҷаауа игьежьы-гьежьуан, иқьыпшәыпуан.
– Анцәа игәы иамыхәо ҟашәымҵан, шәысҭыҳә! –
урҭ аҳәсақәа инарабашьит шьоукы.
– Анцәа, анцәа, анцәа! – дааҟәымҵӡакәа дматанеи
уан Дигәа иаԥхьаҵәҟьа игылаз ԥҳәысбыргк. – Анцәа,
анцәа, анцәа...
Ауаа неиханы ахәышәтәырҭа инадибагәалаӡон, нас
инеилышәшәа-ааилышәшәо, иааилыҵқәон. Ахәышә
тәырҭахь џьара ӷызыбжьыкгьы дәылыҩуамызт. Ҭын
чран.
Ус ашәақьҭҟьареиԥш игеит асаби иҵәаабжь.
«Уау-уаау-уаау!..» – иҽшьуа дҵәыуон уи.
– Диит!!!
– Деилгеит…
Еилагылаз ааилагьежь-ааилахынҳәит. Шьоукы рыԥ
сы ааргеит, шьоукых еиҳагьы ишәаны иԥшуан.
Ахәыҷы иҵәуабжь гон.
Ԥыҭҩык, иԥсны иҟаз рхы-рҿқәа ԥхашьа-ԥхаҵо
аччаԥшь аақәлеит.
– Иа, ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп, улбааԥшны
ҳахьгәоуҭаз, ҳашшыԥхьыӡ ахьудукылаз. Уажәшьҭа
рнахысгьы уара унапы ҳануп, сукәыхшоуп… – Дигәа
иаԥхьа игылаз аԥҳәыс-бырг, лхы ҩышьҭыхны макьана
бла-ҿы зхаӡамыз ажәҩан днаҵаԥшын, лылахь-лы
џьымшь лӡатәуан...
Убри аамҭаз, ашә аатын, ԥшшәы ихаӡамкәа даа
дәылҵит аҳақьым. Уи, иахьигара изымдыруа изнапык
ала икын акислород хчы.
Дахьаадәылҵыз ԥыҭрак ус дгылан иара. Зегьы
ихәаԥшуан, ихәаԥшуан, ихәаԥшуан. Иара дызрыхәаԥ
шуамызт. Нас ахчы иҭаз аԥсыԥ аауишьҭуа, иаргьы
ааидшәаҟьалт.
– Иида? – дҵааит игылаз рахьтә аӡәы лыбжьы
лҿыҵӡааны.
– Аԥа...
– Лара?..
Аҳақьым уаҳа изымчҳакәа, инапы илахь иаԥырак
ны ашырҳәа наҟ иҿынеихеит...
Иаразнак ҵаҟа игылаз аҳәса зегьы ааибарӷызит.
Дигәа дхьаԥшны Сунар иахь дыԥшит. Уи ақьаад
еиԥш дышкәакәахахьан. Аха дахьгылаз дгылан дым
қәацакәа.
Ҳаи, анаџьалбеит!..
VII
Ашьха хоура ақәцәан иқәу анаҟәоу аиҟәԥараҿ иҩал
шәоит уи – АӠЫ ЦӘЫКӘБАР. Илбааӡома уҳәартә ила
ҟәны уи ихыԥшылоит ажәҩан иаҵәа. Иакәаӷӷа иаакә
шоит ахра еибаркырақәа. Аблабарҭа, анԥшыларҭа
рибамҭо...
Уи ииуеит ԥсра ақәымларц... Ианиуаҵәҟьа, цәыкәбарк
иаҟараны иациуеит амшын амчи абжьи...
Аеҵәақәа кыдыҩҩы ҵа-змаӡам адунеи иналацәон...
Ашәақьхәшәеиԥш аҳауаҿ ибылуан аметеоритқәа. Ииа
ӡаауан аҭоурых агьежь ду иаҵахаз ажәларқәа... Анцәа
ишьапкразы анеира иахьаҟәыҵхьои ауахәамаҿ икыдхалаз
аныхачаԥеиԥш, зны-зынла аҽыкәаҳа акәыршан иааԥ
шуан амза...
Икеикеиуа ишиц ииуеит уи анаҟәоу аиҟәԥараҿ аӡы:
абжьы рхоуп арҩашқәа, рыԥсы ҭоуп аӡиасқәа, ацәқәырԥа
хуп амшын...
Ҵаҟа аԥшаҳәақәа, агаҿақәа, ахәқәа иҟьаны ирықәыԥ
соу анхарақәа рҿы џьара, ашьшьыҳәа, имсакны иҟоу
инапқәа наӡаӡа рыԥсы ршьарц инеиваҵан, иҽааиҵихуеит
аӡәы... Аеҵәа кыднахуеит аҳәҳәабжь.
Аха, еснагь еиԥш, еиҳа агәаҟра аныҟазгьы, уахык иалаг
ӡан анацәа аншлозгьы, игәеибаҭон аҷкәынреи аӡӷабреи...
Шарԥазык аеҵәа кыднахуа ибжьы гарц ҿыц ииз асаби...
Абри анаҟәоу наӡаӡа зыԥсы ҭанаҵо аӡеиԥш, абзиаба
ра аԥсҭазаара аԥсы ҭанаҵоит.
Ҽынла уи ахьынӡацо иажәуеит амра ашәахәақәа рыԥ
хара. Уахыла иҩежь-ҩежьӡа, аҵәаҟалақәа реиԥш ажәҩан
иаҵаԥсоу аеҵәақәа ӡааӷӷала, ииасны ицоит, ицоит, ицоит.
Абас ииуеит цәыкәбарк аӡы, абас ииуеит аӡиасқәа
рыԥсҭазаара, амшын абжьы...
Нагӡара ақәзааит зегьы ирыцку аҵабырг ду – АИРА!Рушьни, Аҟәаҟа игаз амҩаду аҿы даннеигьы, ак
раамҭа дыԥшын. Иара дааины дыԥшижьҭеи, еида
рашьҭыхга машьынақәаки, икарахан ицәаз ауаа рыла
иҭәыз ЗИМ ҩазаки ракәын ииасӡахьаз… Урҭ иара
игьизхьамԥшит. Аԥша иҿаҟьаны инықәлан ицеит.
Дыԥшын, дыԥшын, длеиҩеиуан, длеиҩеиуан. Ак
раамҭа амҩа ҭацәын.
Абра дышгылоу иқәшәар ҟалон… Уи адагьы иҭахы
мызт:
Такәы ааҵхьаны даныԥшы, ацәылашара еимгәҳәо
иаацәырҟьеит втобус дук. Иҿыцҳҳараӡа. Инапы шьҭых
ны амҩа дааныххылт. Автобусгьы Рушьни инаивак
ны ажыжәҳәа иаангылт. Иаргьы ичамадан аашьҭԥаан,
зыбжьы мыргаӡакәа жәҩангәашәԥхьарак еиԥш иаа
тыз ашә ахь дыҩхалан, аԥхьаҵәҟьа днатәеит.
– Аҟәанӡа!
Ашафиоргьы, уаҳа уи ақәҿымҭӡакәа, автобус аҿы
наирхеит. Иҩашьаӡомызт уи шаҟа деилаҳан аруль
икыз. Дҵәиҵәиуа, дахьыкәашо аԥҳәызба дылхьым
сӡакәа имахәар дыҵижьуазшәа акәын, аҵәирҭақәа
рҿы имырхьааӡакәа амашьына ширхынҳәуаз. Ав
тобусгьы, иахьҿыцыз аҟынтә, изгоз бзиа иахьибоз
аҟынтә, иӡса-ӡсо астол еиԥш еиҟароу амҩа ианызшәа
акәын ишнеиуаз. Автобус шеибакәу иацԥыҳәаны их
хәыцуан бзиа ибаны иназгоз ауаҩы.
Рушьни атәарҭа тата дахьланага-ҩанагоз, ицәаижьы зегьы ианыруан аласра, уажәы-уажәы адгьыл
аҽынаҟәыхны инышьҭԥраарашәа, ишьҭхысаа дназгоз
автобус.
Ауаҩы снагь анасыԥ, анасыԥ, ҳәа дгәаҟуа-гәаҟуа
дашьҭоуп. ИАРА еизакны џьара ишышьҭоу уаҩы им
баӡацт, уи ацыԥхьқәа еснагь ауаҩ иԥсҭазаара иалаԥ
соуп. Урҭ аныҟамлагь ауаҩы дҭахеит!
Рушьнигьы уажәы, иара ида уаҩ дызҭамыз автобус
дама иахьцоз, уи абри еиԥш аҷкәын қәыԥш, бзиа
ибаны иахьигоз, насыԥ иманы иԥхьаӡон. Анасыԥ дуқәа
рыбжьара еснагь урҭ еиԥызшьуа, излеибарку анасыԥлаԥсақәа ыҟоуп.
– Мчыбжьык ҵуам исоуижьҭеи, – иҳәеит ашафиор,
иаԥхьаҟа дшыԥшуазгьы дышԥышәырччоз мҩашьо, –
макьана сызхара сақәымҭәац. Унапы азурхаанӡа угәы
иҭоу адыруеит…
– Ссирк ауп! – иҳәеит Рушьнигьы.
Нас аҩыџьагь рынасыԥ рҟаҭәар ҳәа ишәошәа ҿымҭ
иаатәеит.
Рушьни деихыкка дыҟан. Автобус дынҭаԥшы-аа
ҭаԥшит. Иара ивараҿыҵәҟьа анбан шкәакәала иа
ныз аҩыра кьаҿ изымдыруаз бызшәала акы аҳәон.
«Ахәыҷқәа рҭыԥ» ҳәа акәхап. Егьирахь «Аҭаҭын шәа
мыхан!», «Шәыбжьы рдуны шәымцәажәалан!» «Аин
валидцәа рҭыԥ!» ҳәа абжьааԥны автобусқәа рҿы Рушь
ни игәы ԥызҵәахьаз аҩырақәа џьаргьы имбеит.
Аекскурсиаз џьара шьоукы ныжьны даауазар акәхап.
Аҩыџьагь ҿырҭуамызт. Убасҟак инасыԥын иԥырны
инеиуаз амашьынаҿ аҿымҭра.
Рушьни игәы иаанагон ишьҭахь ауаа ҭәны итәоу
шәа. Урҭ убом, избанзар ҿырҭуам. Уа иҟоуп бзиа еи
бабо, ҿыц еибагаз, даагылазар иԥхыӡ иалаз, аха ак
раамҭа зыҽизымҭоз аҩымҭа ссир аҵыхәтәан изықә
маншәалахаз ашәҟәыҩҩы, алашара ззыхынҳәыз алашә
иеиԥш, аԥсҭазаара ҿыц ззаатыз, ҿыцбарах избаз,
ахықәкы зыԥшааз аӡәы…
Урҭгьы ҿырҭуам. Рушьнигьы ҿиҭуам. Ашафиоргьы
ҿиҭуам.
Ишьҭууаа, амҩа шьҭкәыцәаа, зегьы аманы инеиуеит
автобус. Иҿыцҳҳараӡа. Иаман ицоит, ицоит, ицоит
абри аҿымҭра зроурц зҭаху автобус.
Еихьыс-еиԥысуа, еибарыҩуа ирывҟьҟьоит аԥша иа
рааԥсаны иҟоу аҵлақәа. Аԥсабара ахаҭаҵәҟьа автобус
иаваҩны ишнеиуаз, иахьымӡошәа анаба, шьҭахьлашьҭахьла идәықәлазшәа, ираҩжьны ицон, ицон, ицон.
Амҩа дықәнаҵ Рушьни игәы ҭынчхеит, Маринагьы
дышиниашаз, дшыманшәалахашаз агәра игеит. Насыԥ
иман ихы ибон. Абас ҟалалон уи ишьапы анеибгаз,
дкәашонаҵы.
Аҟәа ианналала, иккаӡа ишахьан. Ақалақь ыцәан.
Аха амҩа-ԥссацәа ыцәамижьҭеи акыр ҵуан. Уахьыԥ
шлак иаха аԥша иаҟәыбаз абӷьыжә чаҟәа-чаҟәа еизганы
иахагылан. Аҽаџьара макьана ирыԥссон аулицақәа,
атротуарқәа, аскверқәа. Ирԥссон, ирԥссон, ирԥссон.
Автобус шнеиуаз иаахаҵәин, ишиашаз «Аҭынчра
апраспеқт» ианнаршәлеит. Ленин иулицеи апроспеқти
ахьеихагылаз икнаҳаз афонар аҿы алашара ҟаԥшь
аркын. Автобус аагылеит.
Рушьни дҩагылан, ичамадан аашьҭихит. Иџьы
бахь инапы ндәықәиҵеит, аха аԥарақәа ҟәыбзҟәыбзуа
ианааиԥыхьашәа, ииура изымдыруа даақәхеит. Иахьа
тәи амҩагәырӷьара, амҩа-насыԥ ахә шԥеишәарыз!..
Ашафиор дхьаԥшны дааԥышәырччеит. Абжьы мга
ӡакәа ашә аатит. Рушьни дынҭыҵит.
– Бзиала! – иҳәеит ашафиор.
– Абзеираз! Иҭабуп!
Афонар аҿы алашара еишьылӡа иааҟалеит. Автобус
абжьы рацәак имыргаӡакәа аҿынанахеит.
– Бзеила, бзеила!
Автобус наскьаны иаваҵәиаанӡа дгылан дазыԥ
шуан уи.
Амашьына даақәҵны аулица данынаныла, Рушьни
игәы хьухьууа Марина дныҵалт. Иаразнак ашәаӡы
ӡара деилнашьаауа дааҟалеит. Ишилшоз дыццакны
иҿынеихеит, аха ишьапы мыжда дашьҭуамызт.
Уи Марина дахьынхоз араион идыруан. Рушьни
дахьыҩназ ауадахьгьы дыдымгылаӡакәа дышиашоу
уахь дцарц иӡбеит.
Абра акәзаргь аброуп ҳәа аҩны еихагылақәа – аҿыц
қәа, аҩазақәа – рашҭа данынҭала, амашьынақәеи ауааи
ҭәны иқәжьын. Игәы ҭыԥсаауа даанаԥшы-ааԥшит.
Усҟан ауп иангәеиҭа, еихык-еиҵыкны ԥасатәи аҩнқәа
рыбжьара идыргылаз аҩн ҿыцқәа ҩба, ауаа рыҩналарц
ишааз. Амашьынақәа ирныз аҩнымаҭәа рықәырхуан.
Шьоукы иаԥхьаҵәҟьа ицәҳа-шҳауа акрызхыҵуаз
буфет хьанҭа дук, аҩны ашәқәа ирзыбжьымго ирххо
иадгылан…
Рушьни, амашьынақәеи, ауааи, ана-ара еилагылаз
аҩны маҭәақәеи дрылсуа, иҿынеихеит. Игәы ҭыԥсаауа
дыҟан.
Ишԥыкәу уи Марина дахьынхоз шеилимкаа? Лара
илымҳәазаргьы. Ус идыруазар акәымзи!..
Деихо иҿынеихеит, амашьына зышьҭахь аиархан
игылаз аҩны ҩаза дуахь. Абра акәзар ҟалап ҳәа игәы
инаҭон.
Зны, иахьеиԥырҵлоз ианааи, Рушьни Марина
лмахәар нҭарсны иааникылан, есыхәылԥаз иара ди
ԥырҵны дызлацалоз ала дима иҿынеихеит.
Марина лшьапқәа ыҵарбаҟа илкит иаразнак.
– Ҟалашьас иамоузеи?! – убасҟак ашәаӡыӡара хиба
лааит уи лыблақәа, иаразнак игәы ааҩбахеит. Уаҳа
лылаҿымҭӡакәа, ихы иқәыжьны дналԥырҵит. Ларгьы
деихьыс-еиԥысуа днаишьҭалт. Ихахә ылихуамызт
Рушьни, аха ихы изнымкылт. Данхәыҷыз аахыс игәы
ҭшьааны измаз игра атәы, уи длыцны ианакәзаалак
уажәада игәаламшәацызт.
– Уара иуздырам урҭ сара стәқәа шыҟоу! – лҳәеит уи
дихьӡаны диҿагьежьуа. – Рылаԥш уныҵашәан, џьара
акы уарҳәар ҳәа сшәаны баҩ-баҩ сеиҿышәшәахьеит…
Рушьни игәы аӡаӡ алырҳәазшәа иҳәаԥы-ӡыԥуан.
– Усҟак агәырҩа збысҭарызеи?! – иҳәеит уи игәы
цаны.
– Ишԥа, ишԥа? Сара ишԥасоуҳәо абас?! – Марина,
даанылкылан, иблақәа, иблақәа, иблақәа мацара еим
даны дрыгәӡуа далагеит. Нас иаргьы инапы аалы
кәиршан, акраамҭа ус еигәыдеибаҳәҳәалан игылан.
Рушьни деиханы дышнеиуаз, дзымцо даанхеит. Аи
дарашьҭыхга машьынақәа ҩба наҟ-ааҟ иадыргылан,
иааикәыршаӡаны аҟәарџ-марџ гылан: ашифонерқәа
акымкәа-ҩбамкәа, асервантқәа, ашәҟәы шкаф ду, нас
уи авараҿ еиқәын инеибеиԥшны ашәҟәы еиқәаҵәа
қәеи ашәҟәы ҟаԥшьқәеи, макьана уаҩы инапы иам
кыцкәа, иҿыц-ҿыцӡа, ауарҳалқәа – ахәыҷқәа, адуқәа,
адуӡӡақәа…
Уаҩеиқәа, наӡа-ааӡак, шәпакы, иӡӷы цәхаԥшьқәа
кылҵны ицо, иԥаҵа еилачы рацәаххыраха… Иԥҳәыс
гьы иара дааидҩыло, лышьҭахь арахь иаарханы, наҟааҟ ҩ-ваза дуқәак кны… игылан. Рушьни имҩа зкыз
ароиаль еиқәаҵәа ду хыхь дхалан дықәтәан бжь
баҟа шықәса зхыҵуаз ҷкәына хәыҷык, амыҵмыџь
еиԥш иӡамҩақәа ҭҵәраауа, кәтык амаха игәарԥханы
ихыҟаҟаауа. Уи иҩшьапыкгьы рыла дзықәтәаз ароиаль
амгәацәа дҭасуан.
– Актәи аетаж… – игәы ԥыжәжәо ибжьы ҭахәаҽӡа
дцәажәон уи ахаҵа… – Ас илаҟәхоит ҳәа иҟадаз!
Ҳаԥхьаҟагь аамҭоуп… Ҳаиҭеиқәшәахып!.. – шьоукы
дрықәмақаруан уи.
– Уи уажәраанӡа акәын ианҳәатәыз, иара аҭуан
қәагь шԥалаҟәу, – инеиҽԥнылкылеит иԥҳәыс, – слиус
трқәа акгьы азыбзиахаӡом… Сышԥаҵабгеи, слиустра
хазынақәа…
Рушьни ароиали асервантқәеи дахьынарыбжьы
сыз, аилаҳәарақәа акы дҩахҟьашан, аҷык ааигхеит
ахрусталь ҵәыца-маҭәа зҭаз аиашьыкьқәа дрықәҳарц.
– Уарбан уара уеибгами?! – дхәааит ахаҵа.
– Унан, дызгәықәхада, ссервиз ԥимҽи, ссервиз…
Дии-да, дии-да! – лҳәан лшьапқәа надаада иргыло иара
иахь лҿаалхеит аԥҳәыс. Ахаҵагьы дналышьҭаххит.
Рушьни урҭ дагьрызхьамԥшыкәа, анышә рыԥԥеиԥш
еилажьыз аилаҳәарақәа днарылсын, наҟ днықәлеит.
Изакә уааузеи, уара, ламыс змаӡам! Иҩны дыҟоушәа
ҳамаҭәақәа кәаҳауа дрылоуп! – ибжьы неихьигӡеит
ахаҵа.
– Акры игар дацәурԥхашьара уҟоуп! – лҳәеит лыб
жьы ҩеиҵыхны уи иԥҳәысгьы. – Изҿузеи абарҭ амили
циаа?!. Сара сакәзар, зегь кны иҭаскуан!..
Аламыс. Уи змырххац дызусҭада! Зны-зынла зынӡа
зымԥан иҟаӡам роуп уи ажәацыԥхьаӡа изҿыҵаку.
Рушьни ихы дҩахан, днаԥшы-ааԥшуа днеиуан.
Егьирахьтәи аҩн ҿыц аҩбатәи аетаж аҿы, рҽеидырӷә
ӷәала иқәгылан иааԥшуан ҷкәынки ӡӷабки. Иҟалап
ҿыц еиднагалаз шьоук ракәзар. Рацәак рҳәазатәы ры
мамзар акәхарын, рыбзиабара рыман иҩхалан, убри
ала руада ҿыц рҭәны игылан.
Урҭ Рушьни дызлаҳаз рбон, иааԥшны иччон. Иар
гьы игәы аарзыбылны днарыхәаччеит.
Марина дыҩназаргьы абри ауп дзыҩноу ҳәа игәы
иззаанагоз аҩнаҿы днаӡеит. Уи аҩн ҩаза егьырҭ
аҿыцқәа раҵкыс иҳаракын, ихаҩҩала. Џьара-ҩыџьа
ра ргәылацәа ҿыцқәа инарылаԥшырц индәылҵқәаз
ҳәсақәак рхахәқәа еилажәжәа, рхалаҭқәа рыҽрылаҳәо
абалконқәа рыҽрыхшьны игылан.
Рушьни игәы ааимыҩрит. Уи еиликааит ас џьаргьы
Марина дшизымԥшаауаз. Иҟалоит зынӡа уаҳа еи
бамбаӡар. Иаҳҳәап, уаха, уаҵәуха, уи ашьҭахьгьы
иахьеиқәшәалоз дымнеир?! Нас лыԥшаашьас иҟаи
ҵозеи?..
– Акы ӡбатәуп, акы ӡбатәуп… Аха иарбану уи
иӡбатәу?!..
Рушьни иварахьшәа хәыҷык игәы ҿкааӡаны дҵә
уон. Ихы ихәыцырҭаха иара дахьгылаз, зныказ хырҩ
азиуит, аха ахәыҷы данаҟәымҵӡа даахьаԥшит. Ӡӷабк
хәыҷык, лыхцәы ҟәашӡа илықәԥсан, лыҩнапык рыла
лҿы хҩаны аилаҳәара дахьықәтәаз дҵәуон.
Ԥҳәыс ааԥсакы, абаакы, лылацәақәа ҭчаа, даӷьуадыԥсуа аҟәырџ-марџ еизылкуан. Знык илзышьҭых
шаз… Уи ахәыҷы лан лакәхап…
– Иаачҳа бара ҵапҟа, иаачҳа! Иаасараӡа… Сызҿу
бымбаӡои?!
Рушьни аӡӷаб хәыҷы даарыцҳаишьеит. Ичамадан
наиргылан, лаԥхьа ишьамхы дныхтәалеит.
– Бзырҵәуо сабҳәарауеи, сара акыр сахәарҭазар? –
уи лнап хәыҷқәа ааникылт, лҿы хитырц, аха илымуит.
– Амла, амла ҳәа сылкит, – лҳәеит лан, – иаха аҵ
хыбжьон дсыргылт, амла дакгәышьоит, аха сымаҭәа
зегьы ҿаҳәоуп… Иабасыԥшаауеи?! Аҵхыбжьон сым
гыларгьы сабацоз… Ҵыԥх убас ацхырааҩ дахьсмоуз
аҟынтә, сагхан санааи, ауада исырҭаз аӡәы иҽыҩ
наижьхьан. Сыҳәҳәеит, сҟааит, аха уаҳагьы акы аасы
зилымхит. Шьоукы акыр рҿеижьзар акәхап, иахьагьыуахагьы илҭаҳәахаа игеит. Иҟәрит-иԥрит рҳәан, иахьа
уажәраанӡа сыргәагәо сааргон.
Уи илзышьҭыхуаз аҟәырџ-марџ лыма дцеит.
Рушьни урҭ рымаҭәа хәыҷқәа илаԥш аархигеит:
напыла-уасҭак иҟаиҵаз ашкаф, азбжак амаҭәа ахьчо,
егьи азбжак асаан, аҵәца абартә. Уи даара акрахыҵуан.
Нас тумбочкак, еихатәы каруаҭк, аҟәбасқәа иахагылоу
ҭаҷкәымк-ҭаҷкәымк иаҟараны. Амҿтәы ҟәардәқәа ҩба
ҿыцҳҳараӡа абарҭ амаҭәа ҩазақәа ирылагылан. Уаха
џьара мпылк иадамзаргьы, хәыҷы хәмаргак илаԥш на
қәымшәеит…
Рушьни игәы аҟынӡа инеины иааиднарӷәӷәалт ари
иибаз. Ачамадан афҩы ахымларц, Марина лзы инапы
иахшьыз иплашь аџьыбақәа ирҭеиҵаз аҵәақәа ҩба
аарылхны ахәыҷы иналыдигалт.
– АА, бысҭ! Иббоу зеиԥш ҵәақәоу?
Уи ашьшьыҳәа лнапқәа ааимылхын, алаӷырӡ
иарбааӡан иҟаз лхы-лҿы аалырԥшит. Нас дгачамкны
дышрыхәаԥшуаз, цқьа агәра лзымго аҵәақәа аҩбагьы
акакала иааимылхит.
– Унан, иазууазиз, нан! – лҳәан лхы-лҿы аалашеит
ахәыҷ лан данылбаа. – Ее, лаб иԥсы ҭаны дыҟандаз усҟак
дгәаҟӡомызт… Аха егьызқәым итәы убасоуп ишыҟоу…
– Сшәыцхраауеит, аха…
– Ишԥаҟалои, нан, сара исызҩамго исымоузеи?!.
Уажәы анкьатәи сгәылацәа ааиуеит, ани ашкафжәгьы
урҭ ихаргалап.
Ахәыҷы аҵәа дацҳауа дахьтәаз лхы инапы нықәи
шьын, урҭ дрыдҵны иҿынеихеит Рушьни.
Иара дахьыҩноу ауадаҿ днеир, Марина дналықә
шәарашәа агәыӷра иоун, дыццакны уахь иҿынеихеит.
Иахьатәи аԥша зыбӷьыжә ҿнаҳәаз алаҳа-ҵла ду
амахәқәа рыԥхны акәытқәа ықәтәан макьана. Арбаӷь
дуқәа иандыршәалак, алаҳа ахыцәқәанӡа ихалан иқә
тәоз арбаӷь хәыҷы хәцәырххо уажәыгь аҿыҭра иаҿын.
Ҿыцбарах иабазар акәхап.
Арҭ уажәааны илбаалон, аха иахьа ҽырҵысы рымам.
Амшцәгьа рбозар акәхап… Сык леиндаз…
Дигәа ашҭа дахьынҭалоз урҭ дрыхәаԥшуа дааҭгы
лан, аҩныҟа дымнеиӡакәа, аказармахь иҿынеихеит.
Аказарма данныҵалаҵәҟьа ибеит хыхь ахарԥа иқәтәаз
ахьшь.
Ихынҳәит!..
Ахаԥыц ырхәа ахәыжә иалакны, аҽреиџьны иа
хьықәтәаз аԥшәма данаба, аҽыриашан аҽааршәшәеит.
Дигәа егьа иундазгьы уи иблақәа уаҩҵас дзыр
хымԥшылеит. Ахы ырнаан, ахарԥақәа ирывҵыԥшны
еергьҳәа иубоз ажәҩан ахь иԥшуан.
Амала уԥшгәышьоит… Иара ажәҩан аҿгьы иҟаз џьу
шьон ахақәиҭра наӡа! Ажәҩан аԥырраз мацара акәӡам
изаԥу: ажәҩан фатәуп, ажәҩан хныҟәгагоуп, аӷацәа
ирабашьырҭоуп, хыхьчарҭоуп. Убарҭ рахьтә акы иа
дамзаргьы зымч ақәымхаз, ахаҳә еиԥш иалшәан ҵаҟа
илеиуеит…
Дигәа амаҵурҭаҿ дцан, адулаԥ дынҭаԥшын, ианԥса
лашьеи лареи ирцәынхаз акәтыжь ааҭиган, иман ахьшь
ахьыҟаз дцеит. Иара ахьықәтәаз ахарԥа днаҵагылан,
инапы нагӡаны иааигаз акәтыжь намҵеиҵеит. Ахьшь
акраамҭа уи абомызт. Иахьыԥшыц иԥшуан.
Баша уԥшгәышьоуп…
Нас зныкыршәа акәтыжь гәанаҭан, аҽыҩҳәа аха
ԥыц-ырхәа мҩанҵаны, жьыхәҭак аашьҭнахит.
– Убас, убас…
Дигәа аҩныҟа иҿынеихеит.
Дышиашаз аҩнду дахьыҩналаз, арагәаԥшь иалхыз
акаруаҭ ахьыҩнагылаз дныҩнаԥшит… Акаруаҭ ацәар
ҭа-рҽырақәа ықәхны, ауарҳал рыҵаршәны, акәакьахь
инаскьаган, аӷәраҿы ишьҭан. Акаруаҭ ианҟаҵалаз
аиарҭа еилажәжәа ус иқәын.
Лашьа дышьҭалҵазаап ара иаха…
Дигәа, уаҳа уахь дымԥшӡакәа, ианду луада хәыҷы
дазымкуа дныҩналт. Уи дшеилаҳәаз дхәахәаӡа лиарҭа
дықәыршәын.
Иаха уи лаха змадаз… Дагьеилылымхит, дагьышь
ҭалымҵеит…
– Ушԥакарахеи рыцҳа, уцәа ыҟам, утәа ыҟам… –
лҳәеит лара дангәалҭа.
Дигәа уи лмаршәа кны, аԥша еиԥш дласӡа даашьҭи
хын, лиарҭа днықәиртәеит. Иаргьы дналыватәеит.
– Ианакәызаалак иухоумыршҭын… – лхы лықәыжь
ны дпатошәа дналагеит уи. Нас дааҟәыҵын, акы
лгәалашәазшәа ԥыҭрак ҿымҭ ус дтәан. Ашьҭахьшәа
лхы ҩышьҭылхын ҭаҷкәымк иаҟарамыз лхы-лҿы
аимакаҷырақәа аӡыхәашь еиԥш инарҭатәеит ашәа
ӡыӡара. – Иухьзеи, Дигәа, уанду хгәаша, ишакәым
узбоите?.. Асыс уаҩызане, ас ушԥаҟалеи, шьоуки уареи
шәгәы нибархама?!
– Иаха аҵх ԥысҽит, нанду, уи азы акәхап аҽакала
сзыббо…
– Аҵх ԥызҽуа ауаҩы дсымбацкәа сыҟоума…
– Насгьы, абыржәыҵәҟьа ахәышәтәырҭа аҟынтәи
саауеит…
– Иҟалазеи?!
– Аԥҳәыс ахшароура дахԥсааит… Сунар иԥҳәыс!..
Ҳаҩны алашара аазгаз аҷкәын дыбхашҭма?..
– Илҭынхада?..
– Аԥа…
– Ее, нанхеит…
– Уи леиԥш аԥҳәыс ԥшӡа даара дмаҷын… Дышԥаԥ
шӡаз, дышԥаԥшӡаз, дышԥаԥшӡаз!..
– Аԥсра мыжда еилнахӡом… Еиҳагьы изхылаԥшу
убарҭ зегьы реиҳа угәы зкуа роуп… Еиҳа иԥшӡоу, еи
ҳа ибзиоу, еиҳа аԥсра дазааигәоуп, еиҳа дшәарҭоуп
ианакәызаалак…
– Избан, нанду?..
– Акрыздыруоу… Аԥсреи аԥсҭазаареи еидыҽыр
балозар акәхап. Аԥсҭазаарагь иамоу иреиӷьу цәыр
нагоит…
Аҩыџьагь ҿымҭ ԥыҭрак ус итәан…
Дигәа ианду дааихыккаӡаны дыҟан уажәы, данҿаз
еиԥш лыхшыҩ цҳафыруа.
– Убри азами, алаҳәа шьтәуп ҳәа зуасҳәаз… Уи аз
убла инхушьылар, мшаҽнеиԥш ибзиахоит ухарагь,
уааигәагь… – лхы лкалҭ ианаҳалома уҳәартә иахьылкыз
иҵысҵысуан.
– Иазыбуазеи, нанду, абри алаҳәа, аӡбахә ыршо
ибыма бзықәу… Шьашәы иҭарыҽҽит!
– Иара ус иушьыргьы… Исабаԥуп. Алаҳәажә… Аду
неи ианыӡааша! – лхы шьҭылхшәа луит, ихәыҷхахьаз
лылақәа аҩбагьы иреиҳа-реиҳаны алабжышқәа рых
гылан.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҽыкәаҳа - 24
- Büleklär
- Аҽыкәаҳа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3661Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3688Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3644Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3664Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3657Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3617Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3674Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3732Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3708Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3715Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3632Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3748Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3786Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3716Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3638Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3621Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3686Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3072Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.