LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аҽыкәаҳа - 22
Süzlärneñ gomumi sanı 3686
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2390
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Нас, дырҩегьых ауадақәа дрыҩнаԥшуа иҿынеи
хеит. Дышнеиуаз, аҿаԥарахь ихаз ауада хәыҷы ашә
анааирт, зныказ дшанханы даашьақәхеит. Нас, иа
разнак арахь ашә даавагылт. Мараса аҿаԥарахь ихаз
ашә аивҵыккара дывҵыԥшны, ачыс иахылаԥшқәоз
дрызкылԥшуан. Иан дышӷьычуаз дақәикызшәа дҟа
леит Рушьни. Игәы аҵәымӷ еиԥш иналаҟацеит иибаз.
Ма аҽаӡәы димбандаз… Ма ирласны наҟ ашә дад
ҵындаз!..
Аха Мараса лшьапԥынҵа дықәгылан, дааҟәымӡ
ҵакәа уахь аԥшра даҿын.
Рушьни ашыҩҳәа ашә ааиртын, уи дналыдгылеит.
– Ҟоҳ, сышԥоуршәеи! Рушьни уоума?
– Изакәызеи, сан, бызҿу?!
– Џьара акы ҟаҳҵацыԥхьаӡа, ачыс абжа еимҵәаны
иргоит! – лҳәеит уи зынӡа иаахтны, аҵәахра ҳәа лгәы
иҭаӡамкәа. – Урҭ сзыцәшәақәоз зегьы сырҟәаҵны уаха
аҿыцқәа алсхит. Аха, егьоумҳәан, урҭгьы рыгәрагара
цәгьоуп… Ара уажәы ирацәаҩхеит, еицәыԥхашьоит
акәымзар, аӡәы лхала дынхар илзычҳаӡом. Убри аҩыза
чысуп. Унацәахы адуфалап.
– Иҟаларызеи нас, уахатәи ашара зшьапы иқәгылаӡоу
ауаа чыск рҿы инҭарҟаҟар?! Уи быхнарҵәома бара?!.
– Унан! – лҳәеит уи каамеҭ лаҳазшәа. – Ҟалашьас
иамоузеи! Ҳахнарҵәоит ҳәа акәым, знапхы иақәиҭым
аԥҳәыс ачыс дахагылар ҟалома?
– Сан, сбыҳәоит баҟәыҵ, зегьы бреиԥшымхан!
– Ишԥоуҳәо… Быхнарҵәом уҳәеит, аха арҭ аҳәсаӡа
заманақәа сааҭк ала ҩба-хԥа чашә зымфо уаҩ дры
лаӡам, лыблақәа камкамуа даацәыҵаччеит уи.
– Иазхоуп, сан, аԥхашьара ҳәагьы акы ыҟоуп!
– Ԥхашьарамкәан… Узцәыԥхашьашагьы шьоукы
уԥшааит!– Сан, акы басҳәарц сҭахын… Минуҭк арахь быҩ
налондаз.
– Изакәызеи?
Уи дзывҵагылаз ашә аиркын, иан арахь даалыхеит.
– Бтәа! – лаԥхьа игылаз аҟәардә налирбеит. Ари
ауадаҿ еизганы иҩнан, ԥаса, аҿыц аархәаанӡа рыҩны
иҩнагылаз аҩнымаҭәа: аҟәардә цыркьқәа, астол хьан
ҭа, ашьап кьаҿқәа иаауцәымыӷхартә ишәпаны, ашыла
злыҩҩы иҟаз амҿтәы каруаҭыжәқәа.
– Рушьни, сара сыццакуеит, нан… Шәкы сыркуп…
Стәо сыҟоума?
– Уажәраанӡа ана бангылаз быццакӡомызте? – даач
чашәа иуит Рушьни, аха иалымҵит.
– Уалга, уалга!
– Изакәызеи, мшәан, сзылго?
– Акы басҳәоит ҳәа ами арахь сзааугаз?
– Убригь иашоуп, – салгаҵәҟьап! Сан, сара абыржәы
аҩны сындәылҵны сцоит…
– Иабыкәу уара уахьцо? Уҿы иҭарӡаны уаҩы иоу
мҳәан!
Абри дазыԥшызшәа, гәырҩас илымазшәа иаразнак
еилылкааит ииҳәаз ҵакыс иамаз…
– Бара быдагь уаҩ иасҳәом ари аҩнаҭаҿы, уаҳагьы
изасҳәо ҳәа уаҩ дсымам… Аха сцоит…
– Рушьни, сыццакуеит. Уара ахәмарха умоуп, аха
сара исымам…
– Сыхәмарӡом!
Лара бзиашәа еилылкааит «сцоит» иаанагоз, аха
иажәа ахы ахьцоз лзымдыруазшәа, ҽымдыр ҟаҵаны
диԥырҵыр лҭахын. Уи, иԥҽуа акы лдыркны, иара им
ҵажьны лхы аԥырылгарц лҭахушәа ауп дшыҟоу.
– Сцоит, уаҳагьы ихынҳәуа сакәӡам, ибдыруазааит.
Амала, бараҵәҟьа ибамҳәакәа, снабыхәамԥшыкәа сзы
мцеит, сан… Зегьы срылаӡаргьы, бара…
– Унн-ан, исаҳауазеи?! Уцоит, аха измааноузеи, ухы
зыхурҟьозеи?..
Изакәызаалак иҽԥнылкыло ҳәа акы лзымԥшааит.
– Уи шԥабасҳәари?!. Гәҩарасгьы ибымамкәа бҟа
ларым!..
– Изакәызеи гәҩарас исымоу, уара хса, иакәым
џьара иумпыҵымҟьазааит! Ҳумшьызааит!
Иабаҭахгәышьоу уи уажәы, ҽымдыр ҟаҵара!
– Уеизгьы гәҩарас ибымоуп уи… Аха агәҩара ма
цара акгьы иахәарҭам, ахәыҷы дзыӷраԥсыз аԥҳәыс
леиԥш, хьаан ихьанҭаӡа уҩныҵҟа иҭазароуп ианудыр
ҵәҟьо… Адырра мацарагь акгьы иахәаӡом, уи ушеи
бакәу мцаны иуцралароуп, уаҳа еиҭаҳәашьеи еиҭа
гашьеи амаӡам.
– Изакәызеи уи?!
– Утәымны аҭаацәа урылиаар… Иаҳҳәап, дара аџыр
иалхуп, уара алҿыс еиԥш уцәеи-ужьи еикәыршоуп. Ус
иахьынаудсылоугьы уцәа ухырҵәрааны, ужьы ҟаԥ
шьшьӡа иаарԥшны инаувсуеит…
Мараса иаразнак дыцәҩабжьаӡа дааҟалан, лыбла
ааԥсақәа рыла ԥыҭрак ҿымҭ лыҷкәын дихәаԥшуан.
Дыԥшқоума уажәшьҭа… Абар, абжьааԥны усҟак
иузгәамҭо лкыҷырақәа зегьы лхы-лҿы рыӷӷаны иша
хысхьоу. Абри лара илтәымкәа илкыз ажьы-маҟа
лцәыхьанҭоуп, еидара бааԥсык еиԥш даҵоуп, илзышь
ҭымхуа.
– Сара соуп уаҩ игәаламшәаӡо… – лҳәеит уи аҵыхә
тәан.
– Сара сахьыҟазаалак бара бысхасыршҭуам, бын
сыжьуам… Сара сганахь ала бара зегьы банасыжьуеит.
Аха егьырҭ, дызусҭазаалак, изакәызаалак акы ра
насыжьуам, ианакәызаалак!
– Урмеисан, нан… Уршаҭо џьумшьан, урмеисан!..
– Сагьреисоит, сагьрыцәшәом! Ицеит… Зынӡа им
цацзаргьы, ицаӡароуп урҭ реиԥш раамҭа!
Мараса дааччашәа лун, лхы аалырҵысит.
– Ус уара уда уаҩы имҳәац џьушьома?!
– Издыруеит. Урҭ ыҟамзар, саргьы уажәы ас сыз
ҳәомызт. Сара сышьҭахь иааиуа иҵегь ҿыӷәӷәала
иҳәароуп. Илшароуп!
– Ҭшәарас иҟоу зегьы куп, нан, Рушьни… Уабацои?
Амшә иакыз «дад» иҳәароуп нас. Уи имариоу хҿых
гоуп.
– Бзиоуп, сан… Ажәа еимаҳкрым… – иан лахь даа
наскьан лнапы ааникылт. Иџьаџьаӡа, иԥхаӡа иҟан
уи. Игәы ааԥшқахеит, данхәыҷыз аахыс дзышьцылаз
иан лыфҩы-хаа, лыԥхарра аниныр. Илаӷырӡқәагьы
арыжәтә џьбареиԥш игәы цәыҳәҳәаны, иблақәа ҭыб
лаауа иаарыхшылт.
Убри аамҭазы аҩны аԥхьаҟа ауаа рацәа рыбжьы
геит. Аҭаца ҟадыџь ашьаԥа аҟынтәи арахь дааргозар
акәхарын. Мараса лыџьымшьқәа ҩхаԥалан, иаразнак
деилаҟаца, дықәсны дыԥарц лыҽлырхиазшәа даа
ҟалеит.
– Сара сцеит, нан, Рушьни!..
– Бца… Сара хьаас сҟабымҵан…
– Рушьни уан уара дукәыхшааит, уахь улбаа… Ма
ашьаԥахь унеи… Иахьыкәашо, ашәа ахьырҳәо уна
рыхәаԥшып, угәы аадырҿыхап… Угәы аӡәы инирхазар,
иухашҭып, иухыԥсаап… Ус ами, нан? Убас, ушеибгоу
уан… Уара уеилкаара аҽакала ишыҟоу сара издыруан…
Аӡәы усыс дҟоумҵан… Сара ана сымнеир хәшәы
сымам… Унеи, уан уара дукәыхшааит…
Уажәы уи лааԥсара зегьы аалхыԥсаан, абысҟатәи
жьы-маҟа илықәыз аҭаҷкәым еиԥш «ираҵәан» дгылан.
Дыццакы-ццакуа лҿыналхан, ауадақәа дрыҩнысуа
дахьцоз аӷәра қыџқыџуан…
Рушьни дааиҭаҟьан, ичамадан ахьыҟаз ауада дныҩ
наххит, аха уа акгьы имбеит. Игәы наимҟьеит. Абасҵәҟьа
ацара ианақәик, акы дааннакылар ҳәа дшәон.
Иан илҵәахызаргь ҟалоит, аха уи дагьанбахьӡарыз…
Дырҩегьых ауада лаԥшыла еимидеит, аха акгьы им
беит.
Ауаа ршыкьыбжь еиҳа-еиҳа иааигәахон.
Аҵыхәтәан аҳаҷаҳәа иааигәалашәан, ашифонер
ашә данааха иаатит. Ичамадангьы ҵаҟа иҭагылан.
Ашә цаԥхала иахьадмыркыз ауп иџьоушьаша.
Насыԥны ирхашҭит уи.
Иплашь ахьҭакнаҳаз иаакныхны, инапы инахшьны
ичамадан аашьҭиԥааит. Аԥхьала акәзар, ауаа ыҵеи
багәа абарҵа иҵалахьан.
– Ашәа шәҳәа, ашәа! Акәымзар зынӡагьы уахь
дшәаҳҭаӡом! – игон абжьқәа.
Ачыс зыҩноу аҿаԥарала уаҩ дызцом. Ачамадан ик
ны рбар, ачыс игеит ҳәа ргәы иаанагауоу! Уччар уа
баччари акәымзар, уччартә иҟан… Аха уажәшьҭа зыԥ
шра аҭахым. Иара дахьыҟоунӡагьы иааиуеит…
Рушьни ииулак Аџыр икабинет аҟынӡа днаӡеит
усынтәи. Нас ашьҭахь ихаз аԥенџьыр ааиртын, ичама
дан шикыз ииулак дналбааит. Ишьапы нылашәо Ацаҵла иамҵаҳаз абӷьыжә днылагылт. Акыр еихсыӷьхьаз
аԥша, иккаӡа иарыцқьаз амахәқәа ааинҟьо, уи аҵла
ахыцәқәахь абжьы гон.
Уаҳагьы ихы дҩахан днаҵамԥшӡакәа, ичамадан
иман ишьапы еибгала, ишимчыз уи абӷьыжә дҩасны
еимгәыцҟьаа иҿынеихеит.
Аҩны аԥхьа еиҿыхо игылаз, аҵыхәтәан «Уаридада»
аацәырыргеит. Зныказ еиқәшәомызт, аха нас рыбжьқәа
аадырҽеин, ишьҭымхцәакәа ихааӡа иналагеит. Рушьни
дааҭгылан дазыӡырҩит.
Изҳәоз ус ирҳәозу издырамызт Рушьни, аха даара
лахьеиқәҵарак иахҳәааушәа акәын ишгоз.
Иара ашәа ахаҭа ахаангьы ус иҟазар акәхарын.
«Гәырӷьароуп» ҳәа ахьӡҵан, агәаҟашәа рзуҳәаргьы
иацкәашо ыҟоуп…
Ус, ашәа знык иҳәаны ианаалга, аҩы иашьны иҟаз
аӡәы бжьы бааԥсык ааҭирҟьеит:
Дырҳәеит, дыргеит…
Дырчаԥеит…
Аӡәгьы ицимҳәеит. Иара ԥыҭрак даҟәыҵуамызт.
Рушьни ашҭа дҭыҵны агәарабжьарахь днаскьаанӡагьы,
ҩынтә-хынтә деиҭалагеит уи:
Дырҳәеит, дыргеит…
Дырчаԥеит…Саса изакәызаалак акы изхәыцуамызт, акы ихаҿы
изаа-гомызт. Ихы инаркны ишьапаҟынӡа аҵла гәа
ҩеиԥш дҭыкка дыҟан, иара иакәымкәа игага акәыз
шәа уажәы ас ицоз.
Ма уаҳа акы имаҳаӡацкәа дыҟазма! Ауаа ианаамҭоу
усура ианҭымҵуа, иаргьы ҭаха анримҭаӡалак мацара
шаҟантә еилалан еисхьаз, шаҟантә рҿы аӡы ҭырша
ны иацәҳахьаз. Аха мышкы хәлаанӡагьы акы гәним
гацызт. Илаӡоне... Уажәы абысҟак деиҵазҟьаз, иԥсыр
ҭаҵәҟьа зыԥшааз иарбан хыз иаргьы дзазхәыцуамызт.
Дцон амарда дкыдлан, иԥсы кыдхало. Дышиашоу,
уаҳа днахыкәша-аахыкәшан акәымкәа. Дышиашоу,
ҵәҩанҵәыҟа ажәҩан дызлақәлаша акьыба кыдгы
лоушәа.
Ҵаҟа аҭаҳараҿ зынӡа зымч маҷхахьаз аԥша, ара
макьана амч ӷәӷәан. Заҵа дҩаскьацыԥхьаӡа, аԥша
дашьҭуамызт. Аҿывҳәа ианислак, рмахәар ихшьны
инарго акәымжә еиԥш дааиҩнарҿон. Нас дарбыруан.
Зных – ҵаҟантәи иҵасны аҩада даҿанацалон.
Ус, ииулак, хыхь ахәы аҭаҩаҿараҿ, есышьыжь
нырцә игылоу абахәқәа гәаан ибжьы «ыршәны» арахь
«иахьиҿарыжьуаз» дыҩхалеит. Аха убрагь иԥсы ааи
ҭамккәа, иҵегь аҩада иҿынеихеит. Аԥшагьы дықә
наргьежьаауан, иӷралан иӷрысуан, аха аԥхӡы илырҩ
ицон, ихарԥ иаҵалан дарчыхәчыхәуан.
Ахәы ақәцәан иҟаз аџьынҵқәа днарыҵалт.
Урҭ аԥша ирххо иаман иқәын. Даргьы ахьықәԥоз
рбӷьқәа кыдӷәыхаа ианца, рыбжьгьы цеит, иқьыԥахеит.
Аџьынҵқәа рымҵа лашьцан. Саса ачықьқәа ахьи
хьҳәазоз дцәырԥуан. Аха ихы шхаз дцон.
Аҵлақәа дрымҵасны ахаҳәырдыдыра дахьныла
гылаз, дҩықәыҩрын, зқәала дкаҳаит. Ахаҳә ҵарқәа
иҟәаҟәахь шыҟоу дахьраахаз убас ихьт, убасҟак игәы
ҿнакааит, ибжьы аргараҵәҟьа илымшеит. Иҿы ахьааи
хихыз, ус акраамҭа ажәҩан даҵаԥшуа дышьҭан. Ихьаа
хыжьжьаанӡа.
Аҵлақәа рыбжьы цаны, зны арахь еицхыхәон, зны –
наҟ, иқьыԥахан уаҳа рыламызт.
Илбааӡахьаз амза иакәыршаз аҽыкәаҳа, ашьеиԥш
аҟаԥшь аахыҩло, аҵлашьапқәа ирыбжьыԥшуан.
Саса игәы нҭыԥсааит, игәы ныҭӡыӡааит.
Хыхь – ажәҩан, ҵаҟа – адгьыл. Ажәҩан икыдыҩрны
амшын иӡаалоит агәыргәыл ду еиԥш ашьа злажжы
аҽыкәаҳа зкәыршоу амза... Ҵаҟа – адгьыл анаӡараҿ,
еилабгахьоу ажәытә хаҳәгәара зкәыршоу аныхаҭыԥ,
дықәыршәуп иара...
Дызусҭада, мшәан, иара? Шышкымсык иаҟараны
абра ахаҳәқәа ирыбжьаршәу?.. Абри иара ҭәицк иа
ҟарам, дыззықәзиз абриаҟара идуу адунеи, иациҵа
зеи, иагирхазеи?..
Хыма-ԥсыма дҩагылт. Аиашаз, ҭәыцк даҟарам
шәа, зынӡа ихьамҭара изгәамҭаӡо дааҟалеит. Аԥша да
ԥыхьашәар, даашьҭԥааны џьара еиҩышьшьарак дны
бжьаршәны дҭанаџьгәарашәа.
Дышиашаз изыхныҳәоз аҳаԥшьа ахьжыз днеин,
дшьамхнышгылан инапала хыхь иқәҳаз абӷьыжә
аахиҳәҳәеит. Нас иақәыз ахаҳәқәа ақәхны, ахлымв
аахихит. Аҩы афҩы лаҳа-лаҳауа иԥынҵа иҩҭасит.
Ихаҵәыҵәны ихаз, алымҳацәқәа змаз ихылԥа ихых
ны инкаижьын, аҳаԥшьа иқьышә ҩӡааикылан дҩахеит.
Иҟәата-ԥсато иҟырҟы иҭысны аҿынанахеит аҩы.
Иқьышә лаӡонаҵы ус ихы ахакны ижәуан. Аҩы аны
ласкьа, аԥхӡы зыхьшы иҟаз инапқәа ивара инахьи
шьын, иуаҩа ала иҭганы ажәра далагеит.
Ижәуа, ижәуа, иԥсы мшьаӡакәа ижәуа мацара, даара
акры ижәит. Иахьа шьыжьы аахыс уаҩҵас инатәаны
акрызымфацыз, иблаҟы-блаҵәо иҟаз ауаҩы иаразнак
илсит, аҩы дышьҭнахит. Итәахьазшәа изгәамҭаӡоз
ишьа, уажәы идақәа ирзымкуа еисуан. Ааигәа џьара
игылаз ашьхыҵә рыбжьы иаҳауазшәа, илымҳақәа «аууу» рыҭгон. Ихы ҳаԥшьак иаҟараны ичны ихагылоушәа
ибо далагеит. Ишибоз ишьапқәа иҵнахуан.
Убасҟан иааизцәырҵит уи игәынхара. Уажәы ибоз
шәа ибла ихгылан, Леуа ихаԥыц аҿҿа арго, дцәыҵаԥ
жәо дшизыԥшуаз.
Ааи, ааи, ихаԥыцгьы аҿҿа аргон, дагьцәыҵаччон...
Изиухьази абри ауаҩ цәгьарас... Иацы ихшәаз аҷ
кәынцәа реиԥш аказы еиҵамхандаз, џьара аказы
еиламхандаз, аӡәы игәы имыхьындаз ҳәа иахьа ааша
зар, ифа ыҟамкәа ижә ыҟамкәа, дшыҩуа дыҩуазар?..
Иахьа мацара аума?..
Леуа иара игәаӷ дыкны дагаӡозаарын. Уи дтәаны
дихыччон. Иара ҩы-кәармак џьара ишԥаҭамхари ҳәа
аԥаҭхь дҩахон. Иахьҩу азы акәым, аӡба дакыҵәҟьон,
дҿажәкны дыҟан...
Ианбатәиу уи? Дҟатаӡа раԥхьаӡа бригадирс аколн
хараҿы ихьӡ анырҳәа инаркны, абарҭ ауаа – Аџыр
хадара ззиуа ддырдысын иахьа уажәраанӡа ддысны
дыҟан... Уаха иаалырҟьаны ицәа ҵаӷахеит, аҳауаҵәҟьа
ахьидкьысло изымычҳауа аҟынӡа.
...Иааизааргазеи урҭ ихы зиҭаз ауаа...
Дыржьеит, дырҟаҭәеит... Ишидыруазгьы ирҭахыз
иларыгӡон, иахьырҭаху ддырҩуан, рхы дадырхәон.
Зны-зынла аиаша иаԥхьаҵәҟьа ибла ҭызза дахәаԥ
шуан, аха снапы назсырххап ҳәа игәы иааҭеикыр,
иахьцаз-иахьааз имбо иныҵабон...
Аџыри, абни ашьапызаҵә – абухгалтери, нас уажәы
ақалақьқәа рахь еимпыз шьоуки... Урҭ ршьапы еи
қәыргылан, иахьа уажәраанӡа бригадирс дынкылан
дрымоуп, аҳаблаҿ зегьы ргәы ихыршәаны.
– Уара, ауаа рус зхы ақәызҵахьоу уаҩуп! – рҳәон урҭ.
– Уара, уи азы ушоуп... – рҳәон урҭ.
Иаргьы ус акәыз џьишьон...
Иахьа шар хәлаанӡа хәыцыԥхьаӡа ҿыҭуа дзышьҭаз
ауааи иареи заҵааира еицәыхарахон.
– Ианакәызаалакгьы ус акәын... – рҳәон урҭ.
– Ауаа рзы бзиа ҟазҵоз, дара ауаа деилыркаауа иан
баҟалахьаз! – рҳәон урҭ.
– Абасеиԥш аан, уара уеиԥш иҟоу ахацәа, дара ир
зымхәыцкәа ауаа рыԥсы ҿырхуан. Ҿаҭахьас рҽыҟаҵан,
ауаа рыԥсы рҽарҭон!.. – рҳәон урҭ.
– Аха ус егьа иҟазаргьы абзиара аҵыхәа ыӡуам,
иуԥылоит! – рҳәон...
Иаргьы зхала еилкааны, зхы ианҟәышлан иӡбаны
акы ҟазҵоз иакәӡамызт. Ихала, аҽаӡәы иимырбакәа
иидыруаз анышә арԥԥара акәын... Уи данаҟәырх,
цәмаҭәак даҩызахеит, акы дацраҳәазар акәхеит, имаа
аӡәы икызар акәхеит...
Ари иара издырӡомызт, аха напы илазкыз ибзиаҵә
ҟьан ирдыруан.
Иара имхы аҳәира ҭиааны, ацгәыхш шьамхахьы
иҩеиуа ишыҟаз, аколнхара аҟынтәи иреиӷьыз ацәуӷәқәа ҵакны, УРҬ рымхқәа дырҭагьежьны, ирҩшьны
икаижьуан. Илеиҵон, ичалтуан.
– Иумбо абанҭ аҿарҳәыдаа узхәыцра иаҟәыҵт,
– рҳәон урҭ шьоукы лаԥшықәҵан, – урылагьежь
акәымзар, дара ус рзумур, уара иузыруеит... Анхаҩы
убас адагь, акгьы узирҟаҵом... Ацәаӷәацә ахы ушьы
шьыр аҟәыҿыҳәа итәоит. Лахә-лахәы иушьклаԥшуа
заргьы усыс иумкын. Уара дара ирзеиӷьу ауп узҿу.
Уи аҳәынҭқаррагьы иадыруеит. Мышкы ахы мышкы
аҵыхәа урҭ зегьы ныхахәырак еиԥш иуашьапкуагьы
убахра уҟоуп.
Иара иахьиаҳауаз ддырҽхәон, ргәы иладуузшәа
ҟарҵон...
– Даара хара ихәыцуа аӡәы иакәымзар, ари иеиԥшҵәҟьа аус зхы ахҭнызҵо дубарым!.. – рҳәон урҭ иара
ицәырӡошәа, иара иаҳаратәы... Ихыччозаарын!
Арахь ихы наздикылашаз ҩызаҵәҟьа димамкәа
зегьы иԥырҵит...Аӡәи ҩыџьеи ус аламала дказмыжьшаз
иҩызцәа аибашьраҿы иҭахеит...
Усҟангьы зынӡаҵәҟьа игәаҵәа ҭҳәамызт, зны-зын
ла абарҭ ируази-ирҳәози агәра игомызт. Аха ас ааи
гәахәцыԥхьаӡа, иара ихы иара дабашьуа, ихы дахыччо
далагон... Урҭ ус шԥарыдыскылаӡеи ҳәа...
Хәыҷы-хәыҷла, хәыҷы-хәыҷла, иҭууа иҟарҵахьаз
ихы зынӡа инҭыԥшша ицеит, иаргьы ддысит. Иԥсҭа
заарагьы аҵла гәаҩеиԥш иҭыкка, шьыжьымҭанла ахәы
дықәгыланы ахьҿиҭуаз, ибжьы мацара аԥшадаас еиԥш
ианыҩуа инхеит.
Еиҳа-еиҳа аҩы илсуан. Ашьҭахь аҳаԥшьа ахьжыз
анаҩсшәа днеизҟәаҿын, ахаҳәрдыдыра днылатәеит.
«Уу-уу» – харантәи бжьқәак рҭаҩуан илымҳақәа. Нас
урҭ абжьқәа иааскьо-иааскьо мацара, еилыкка иаҳауа
иалагеит:
«Саса, уара ухаҵа бзиоуп!»
«Саса, уара умшуп…»
«Саса, уара уакәымзар ауаа хҵәон!..»
«Ачаирҭахь!..»
«Арашәарахь!..»
«Аҭагаларахь!.. Аӡә думышьҭын!»
«Аӡә унымхан!..»
«Аизарахь!..»
«Аизарахь!..»
«Аизарахь!..»
«О, Саса, сара уаасыдҵаал…»
«Саргьы…»
«Саргьы…»
Нас арҭ абжьқәа илымҳа шҵырхуаз, хәыҭхәыҭла
аԥсӡы еиԥш иаҳауа далагеит аҽа быжьқәак.
«…Саса, иудыруазеи уи итәы?»
«?..»
«Ишԥоузымдыруеи? Ани зны ишԥеиҳәаз?..»
«?..»
«Уара иԥсы уаҵеиҵарц иҭахын уи! Иахьа – уара,
уаҵәы – ҳара. Нас?.. Нас иҟаиҵоз уара идыр…»
«Аҳа-аа-аа… Убас иҳәеит! Ишуаҳауаз?»
«Нас?»
«Егьи?..»
«Уаҳа?..»
«Ашьыжь ахәаҿы уи ихьӡ ҳәаны ҿумҭын!..»
«Уи акәамжәи акабеи уимырааит ҳәа ҳаҳаит. Ани
амаҭәа ауаара иҭиуа дыҟоума?! Дудыруоу уи акәым
жәи акабеи изҭаз?.. Ибзыцәашьа, аҩӡыбжьараа рцәа
рхызххьоу аамсҭа… Аӡыхкыра ишыруаз ҵыԥх ир
шьыз…»
«Уаҳа иудыруазеи уи азы?/
«Иахьа изҿумҭын Нарықь!»
«…Сиҭ!»
«…Кәасҭа!..»
«…Тарас!»
«…Сасран!»
«…Володиа!»Саса уажәы дахьтәоу илымҳа амаҭ еиԥш иҭаҵәиҵәи
уа иҭоуп урҭ абжьқәа.
Аха усҟан, амаҭ хьшәашәеиԥш ауаа рыҩнқәа ирыҩ
налоз иара иҿымҭра акәын. Зызҿыҭра даҟәыҵуаз
рылган ирго ианалага нахыс, ақыҭаҿ ауаа рыцәа ыӡт.
Уаанӡа Саса ибжьы зламӡоз ауаа, ианбаҳазҿиҭришь ҳәа
рыгәқәа ҭыԥсаауа иԥшын…
– Иубома убжьы аҳара насыԥс ирыԥхьаӡо ишыҟала!
– рҳәон урҭ.
– Ҳара ҳааигәара уҟанаҵ умшәан!.. – рҳәон урҭ.
– Ҳара ҳнапаҿы уӡуам! – рҳәон урҭ.
Дырҩегьых амаҭ еиԥш иҳәазо илымҳа инҭалон
акыр мши-ҵхи ирылсны иааҩуаз урҭ абжьқәа.
Данашьцыла, усҟангьы, ашьҭахьгьы, аӡәы иахьа
аусура дкылымсыр, адырҩаҽны ашьжьымҭан, ахәы
дықәгылан днаҳәы-ааҳәуа анҿиҭуаз, уи ихьӡ ааиҿы
ҵаиршәомызт. Зыхьӡ ҳәаны ҿимҭыз али-ԥси рыбжьара
аусура дынкылҟьон. Шар хәлаанӡа Саса ииҳәарызеишь
ҳәа ибла ҭырхаха дихәаԥшуан…
«Саса уаҵәы зықәҿимҭыз бзиа даниом…» – амаҭ
хьшәашәеиԥш аҩнқәа инарыҩнала-аарыҩнысуа ақы
ҭа иҩарылалт.
Уажәы игәы иқәҩыхуа иалагеит иара иҿыҭыбжь
қәа. Абасҟатәи шықәса ирылҟьа рҿаархеит урҭ…
Шәҩык, зықьҩык, жәа-нызқьҩык Сасараа еихьымӡаеиԥымӡо еицҿырҭуан… Ахраӡагеиԥш аҳауа кылыхха
иҟарҵазар ҟалап урҭ аҿыҭыбжьқәа.
Ус, иаразнак ддагәахазшәа, изакәызаалак акы има
ҳаӡо дааҟалеит. Данхәыҷыз, иҽаникәабоз илымҳа аӡы
анҭалалак ишҭихлоз еиԥш, ихы ааиҟьеит, аха уаҳа
умԥсит.
Ани есыҽны зызҿыҭра даҟәыҵыз рыхәҭаа акәзар
ари аҿаҳа-ҿымҭра? Деиханы, дгазҽазуа дҩагылт.
Урҭ рзы ҿиҭроуп уажәы, аӡәаӡәала, дахьынӡахәо…
– Уаа, Нарықь! – ишимчыз ибжьы наиргеит. Ибжьы
аԥша ашьҭыбжь инахәлаҳа ицон.
– Уаа, Махаз!
– Уаа, Кәасҭа!
– Уаа, Кәица!
– Уаа, Тарас!
– …Володиа!
– …Гәас!Аҿыҭра уаҳа илымшо, агыларагьы уаҳа илымшо
даныҟала, деиҭалеизҟәыҿны ахаҳәырдыдыра дны
латәеит. Аџьынҵқәа ршьапқәа дрыбжьыԥшны дшыԥ
шуаз даагачамкит: нырцәтәи ахәы инавҵагылахьаз
амза ҳаҭгәынк еиԥш еиқәаҵәаӡа џьар дук ахарсын.
Зылԥха ҳаура... Издыруада уажәы зыхьӡ ҳәаны ҿи
ҭуаз убра акәзар анышә иахьамоу?..
Уи, нырцәтәи аԥсыжрақәа рыҟны, ахәы аҵкарҵә
ҟьаҿы нышәынҭрак иахарсыз аџьар амза иадибалон,
аха уажәы урҭқәа цқьа ирзеилыргомызт иблақәа.
Ихы ахаҳәра инылаҳан, ахырхыр ааҭгеит ихә
лымшәы.
Ԥыҭрак ашьҭахь дахьыцәаз ԥхыӡ ибон иҭацәыз
аԥаҭхь иҿыҵакны дааҟәымҵӡакәа дышҩахоз... Џьара
кәармак ҭшәаны сҟырҟы азырцәаакуазар ҳәа. Дҿажә
кны дыҟан...Дигәа акраамҭа ихы ахьынахаз ддәықәын. Акыр
аҵых цахьан еиԥш, ихы иҭамкәа игәы иҭамкәа дыр
ҩегьых акәара дынхықәгылт. Иахьа шаҟантә уи
дныр-аархьоу уара идыр. Ԥхыӡ ибазшәа акәын цқьа
ишигәаламшәоз. Акәара зынӡа аԥсы ӡаны иҟан. Аих
сыӷьра иаҿыз аԥша, макьанагьы аҵла рымахәқәа еи
мырҽҽо ирылан.
Данмаҷыз акырынтә иақәикхьан, абри аԥаҩ аҟынтәи
егьи аԥаҩ дықәԥаларц. Зны дыҩны даннықәыххлак,
изымгәаӷьыкәа иҽникылон. Ианигәаӷьлозгьы, аԥаҩ
зынӡа ишьапы изахьмырсӡакәа, аӡы агәҭа дҭаҳауан.
Егьа иундазгьы нырцәтәи аԥаҩ дзахьымсит.
Усҟан ҽыҩ-ҷкәынра иуртә дыҟан. Зны, аҽеиқәа
аԥхьа ирымаз аҽыҩ лахь-ҷашь дақәтәан аҩныҟа дшаа
уаз, акәара данааҽԥынгыла, иааигәалашәеит шьапыла
дышзахымԥалоз.
«Чоу» ҳәа аҽыҩ-ццышә даннаҵаҟьа, еиҳа илаҟәыз
аарцәтәи аԥаҩ илықәсны ианыԥа, иара дахҟьаны дцан
абардра дылаҳаит. Абардра дшылаҳаз ауп акәымзар,
адгьыл аҩарахь дкаҳар дыцҟьа дцон. Деимацәкәыкәы
дрыцҳахәха абардра даалҵит. Аҽы алахь ҷашьӡа нырцә
аԥаҩ ҳарак иқәгылан, ихьаҳәны иара ихәаԥшуан.
Маҷк шьҭахьҟа дцан, деиҵас дууаӡа дыԥеит. Адыжә
ҳәа ишҿыбгара иҟаз нырцәтәи аԥаҩ днықәԥалеит.
Уажәы ари акәара ахыԥара ӡышьҭрак ахыԥара
изаҩызан.
Ҳәарада, ихыҵны ианыҟам. Ианхыҵуа уи ӡиаск
иаҟарахоит…
Дигәа уаҳа дмаангылакәа, ахәылԥаз аҽқәа ахьы
нижьыз адәахьы иҿынеихеит.
Иара иҽеиқәа адәы агәҭахьшәа иҟан. Егьырҭ абна
ҳандақь ахь рҽеиларӷәӷәа еилагылан. Азхара азымфа
ӡо ажәыр-жәырҳәа аҳәра иаҿын аҽан. Уи инацәыхаран
иҟәиҭӡа ахала игылан аҽҵысгьы. Ицәазар акәхап.
Дигәа дышиашаз иҽыҩ ахь иҿанынеиха, аҳандақь
зҽаварӷәӷәа игылаз аҽқәа рҳан, аддыҳәа иааилагье
жьит. «Ҭхырр» ҳәа рхы ашьа иаԥхьо иааӡырҩит.
Аҽан аақәырқәырын, исыгә-сыгәуа аҽҵыс ахь аҿы
нанахеит. Аҽыҩ ыцәаӡамызшәа ахы ҩышьҭнаԥаан,
иахьгылаз иахымҵысит. Абӷа инапы аннықәишь, ацәа
аахԥеит, иаразнак аԥхӡы-фҩы ӷәӷәаны иԥынҵа иҭаст.
– Уҽушьӡеит ҳәа сыҟоуп, – иҳәеит уи, – уадызцалазеи,
ашьшьыҳәа уҳәлар…
Аха гәыбӷанс иамоузеи… Ауаагьы аҽқәагьы ҳаниз,
акрыфара ҳахымԥсаарц, ҳазшьышаз аҽакы ҳшьа иа
ларҭәеит…
Имаҟа ааимӷихын, ицәаакӡа иҟаз ақьышә иԥшаан,
асаса ааихыхны инаҿеиҵеит. Дҩаԥан, убриаҟара
дшыҳаракызгьы, акраамҭа иҽимырххакәа, аҽы азқәа
аҟынӡа дзымҩеит. Дҩақәтәан иҽааиҵихит, аҽыҩгьы
дышьҭкәыцәаа аҿынанахеит. Дигәагьы дласӡа даа
ҟалан, иԥсы ааилалеит.
Аҽыҩ шнаҵҟьаз еиԥш, аҽҵыс абжьы ҵарыхәҵәаӡа
иаакьыркьырт, аҽангьы аагәрым-шәрымит. Уинахыс
акгьы иаҳауамызт Дигәа. Иԥрит аҽыҩ азқәаҿ ауаҩ
данаиу. Уи имаҟа наҿеикыр иҭахын, аха амаҟа акәым,
аӷәра аҿазаргьы уажәы уи анкылара цәгьан.
Апыҟҟаҳәа аҽышьҭыбжь аҵх иҩаларпыҟҟо, амҩаду
ахь ахы археит аҽеиқәа. Убас иҭрысны иҵәиит, Дигәа
еергьҳәа аҽызқәа иҽахеикит.
Амала баша амаҟа аҿеиҵеит, иара иахьаҭахыз дагон.
Аха, анаарахьҵәҟьа ианнеи, ибжьы ақәирго, амаҟа
аҿымшәартә ахы дахо, ииулак акәарахь ахы ирхеит.
Ҵаҟа аҭаҟьаҟьараҿ ианылбаа, ишьхәа аирбан, акәара
дахыԥарц аҿынаирхеит. Аха иара, аԥаҩахь инаӡарц
ԥыҭк шагыз иааҳәын, аԥшаҳәа иаваршәны аҩада иҩит.
Егьа иундазгьы аҽинамҭеит. Иаангылт уи ҵыс
злымԥр
аауа инашьҭыз аршәыраҿынӡа ианнеи. Аура
зоуроу еисуан, ацәа ахыԥан ицон.
Ари алагьы иҩашьом уи шажәыз. Ианааз, иахьа
хәлаанӡа иҩуазаргьы усыс иамаӡамызт, еиҳа-еиҳа
иаапкуан.
Ԥыҭк аԥсы анааиҭанак, еиҭахьаирҳәын, акәара да
хыԥарц ахьиҭахыз ахь идәықәиҵахт. Иаргьы ахәда
ҭҳәа ду дықәиан ахыцеиԥш ирхәон, ихьеирҳәуан, аха
уаҵәҟьа ианнеи, ирҳазшәаҵәҟьа ганха иԥан, иҭрысны
нада-аада иаҿалт. Уаҳагьы даазыбзиамхаӡакәа, аҩыз
цәа ахьыҟаз адәахьы дагеит. Иаргьы дахымҟьарц аԥыр
цәқәа инапы рыларԥсны икын, иахьиҭаху адәықә
ҵара даҟәыҵны.
Аҽеиқәа, Дигәа даман знык адәаҿы ианызҩеи,
ахәылԥаз аҩызцәа еидцалан изларҩуаз амҩа аашьҭ
ԥаан, адәы иакәшо иаақәлеит. Аҳандақь иавагылаз
аҽқәагьы аавҵын, рыхқәа шьҭыхны иԥшуан. Аҽҵыс
гьы шәаны игылан, аин иадыӷәӷәала. Аҽан ааҟәымҵӡа
кәа ажәыр-жәырҳәа аҳәра иаҿын.
Дигәа иҽы, макьана имтәацыз аԥша кылжәо даман
игьежьы-хынҳәуа адәы иқәын.
Уи агәы иаанагозар ҟаларын, даҽа ҽык захьымԥ
шӡакәа иакәшан аҭалара иаҿушәа. Убасҟак иԥырны
иахьнеиуаз атрибунақәа рҟынтәи ауаа ршыкьыбжьы
алымҳақәа ирывыҟьҟьа аԥша иагошәа. Убри азы акәу
шәа урҭ рыбжьы иара алымҳа аҟынӡа изымааӡауа.
Иҩуеит, иҩуеит, иҩуеит... Агьежьырҭақәа рҿы еи
ҭасны арахь иҩеиуа амза агәышҵа дныҵаԥшуеит
Дигәа. Уи, иҿыцәо аԥырӷеиԥш, ихиаҵәа-хиқәарааӡа
иҟоуп...
Иаангылом, ишзахәо ицоит аҽыҩ. Иашьҭам, иа
вагылам, иҟам-иным аҽқәа ираԥхныҩло, иҟам атри
бунақәа рҿы, иҟам ахәаԥшцәа ираҩҟьҟьо... Иха
ҵәицыԥхьаӡа инаҳәы-ааҳәуеит ажәҩан, изхагылоу
адгьыл ацҳаҵәры еиԥш иаҵаҵәиуашәа.
Абас акраамҭа, акраамҭа инаҳәы-ааҳәуан ажә
ҩан, акраамҭа адәышкәаӷьаз иаҿасуан иххаахьаз аҽ
еимаақәа... Дигәагьы дааԥсеит уаҳа иламкәа, уажә
шьҭа иҽызқәа иҽизахакуамызт. Аха аҽы аангылара
агәы иҭаӡамызт. Ибжьы ақәиргеит, аха ианамуӡа
дааилашәан, аԥырцәқәа ааушьҭны ишимчыз амаҟа
дахан ахәда анирҵәи, аҽыҩ ықәҟьеит. Иаргьы уаҳа
иҽизнымкылакәа дахҟьан, адыжәҳәа адәы днықә
ҳаит. Исаркьалыхызшәа аӷьеҩҳәа абжьы ган, ажәҩан
иахькыдыз иҟәыбаса иааимышәшәеит амза. Инеи
қәлашьцеит.
Ԥыҭрак ус дышьҭан Дигәа, иԥсы изҭымкаауа, ибла
изхымтуа, ихы ҭууа. Ашьҭахьшәа зны ибла аахитит.
Зныказ дахьыԥшуаз акгьы еилганы ибомызт, нас
хәыҷы-хәыҷла аҭашәара згәы иҭаз амза ибеит. Уи
иакәыршаз аҽыкәаҳагь алаԥшҳәаа иҩалагылон. Ԥыҭ
рак ус иҽмырҵысӡакәа уахь дыԥшуан Дигәа.
Аҽыкәаҳа. Уаха абри адәаҿы аҽыҩ зыкәшо аҭагьа
гьеиԥш... Иԥсадоу алашара, ныха ҩазак, ныха жьагак
еиԥш, амза иакәыршоу... Аха уажәшьҭа дук мырҵыкәа
иҭахоит ари амза. Дук мырҵыкәа аӡара ҭырфаҷа,
икеикеиуа иҩагылоит амзаҿа. Уи иацгылап аҵаақәа.
Угәы зырҿыцуа, уеилҟьа-еилӷәыцәаа уҟазҵо. Ашьхақәа
инарықәнаҵап асыршәы, арахьгьы илбаанагап уи,
ахәыҷқәа «рыхәмарга» ԥшӡа, адгьыл ду ахәышәтәыга...
Аӡиасқәагьы акраамҭа ирымымҵәартә аҩҿеиԥш иҿа
цаӡа асырӡ агьама...
Дигәа деихан дҩагылеит. Уи иалкаан џьаргьы ижьы
ицаны дыҟамызт, аха деилаххаа, дхьанҭаӡа, адгьыл
дахьықәгылаз иҭаирҽыларашәа ибон.
Иџыџӡа иахьыҩагылаз игылан иҽыҩгьы. Днадгы
лан абӷа инапы нықәишьит, аԥхӡы макьана иаламба
цызт. Инап ҟьаҟьа дуқәа ҩақәырӷәӷәан, аҵыхәа ашьаҭа
аҟынӡа инықәишь-аақәишьит.
Ахгьы хьарҳәны инаихәаԥшит. Егьи аганахь диасны
авара инапы анынахьишь, дырҩегьых дахьгылаз ахь
ихьаҳәит. Дигәа иџьыба дынҭалан асԥычка ԥшааны
иааихьишьын, иара иахь ихаз абла инхирԥхалт. Аҽы
ахы амырқәацеит. Уи абла аш хын, еимаҩызны акгьы
абаӡомызт.
Даҽа сԥычкак аиркын, егьи абла ианынхирԥхала,
ашырҳәа ахы аашьҭнакәыцәааит, игазго ихыжьлаз
агәырҩеи ааԥсареи еимырҽҽаны инаихәаԥшит.
Абри акәзаап акәара аԥаҩ ахь изықәымлоз, иажә
ӡеит рыцҳа...
Аҽы азқәа дырҩегьых инапы нықәишьын, уа иаа
ныжьны адәы дықәлан иҿынеихеит Дигәа. Амза азы
бжа амшын иаҿыҵыҳәҳәон. Аҽыкәаҳагьы акыдба
лара иаҿын. Аԥша еиқәтәахьан. Аԥсабара ҟәызгаӡа,
икараха ихырсысуан. Аҳандақь ахь игылаз аҽқәагьы
рыҽдырҭынчит. Аҽанҵәҟьагьы аҳәра иаҟәыҵт. Зегьы
ацәа рҽарҭон.
Икараха иҟоу аҽыҩгьы ыцәозар акәхап, еибганы
инхаз азблак хҩаны...
... Ишгылоу!
Дигәа амҩахь данкылс, амза ҭашәеит. Иаалашь
цашәа ауит, аха уажәшьҭа ацәылашара аԥсы ӡаны
џьара аҵых аҿаҟәахьан. Шьыжьынӡа иҟаиҵара, дахь
цо изымдыруа амҩа дананхала, ихьыз зегьы изеи
зыкәкәо иалагеит.
Иацы ашьыжь инаркны уажәынӡа, уахыки-ҽнаки
акәым, шықәсык цазшәа ауп ишибо.
Лара... Лара лакәын ассир, дышԥаччоз лкьатеиах
ԥҵәо... Уажәшьҭа игәы ахьыԥсыз иԥсит: Убриаҟара
акәын уи ииҭахыз... Уиаҟра иара изы егьымыцхәын.
Уажәшьҭа лара иааҟалҵалак, илҳәалак, илулак – иара
изы зегьы дара ракәын...
Уа игылан иччоз, избаз еиҳараҩык ирхашҭхьеит.
Иргәалашәаргьы, «митәык ҟалама» рҳәашт. Аха иҟалаз
урҭ иабардыруеи! Урҭ дыршьа рымаӡам, урҭ рыблақәа
аҽа дунеик иқәыԥшуеит, иара дызмоу адунеи рбар
ҭаӡам. Уа урҭ лашәуп, идагәоуп... Аха лара ус дыҟоуп
ҳәа ԥхыӡ ибаргьы ихеиҵомызт. Убасҟан, аҟама аҿы
еиԥш, уи лыбла ибла ихылымшьылар...
Ииашоуп, усҟан иҭаххар, ихьаа анаахыжьжьа дҩа
гылан, УИ даашьҭыхны анышә днанҟьо, даашьҭыхуа,
деиҭананҟьо... Ауаҩы амш илагара зеиԥшроу иир
барын, цқьа-цқьа... Аха уи аҩыза ауаҩы ишԥаҟаиҵо!
Егьи драхәхаргьы, уара уеизгьы-уеизгьы урахәхар
аума! Ишԥаҟало зегьы еицлабны ирахәхар! Арахәра
ԥхашьароуп, еиҭаԥхашьароуп, рыцҳароуп! Шәарҭа
дууп!..
Аха уа игылақәаз рзы уи аилкаара цәгьоуп. Лара
лыбла зегьы рзы ихтыз џьимшьоз, мшынзаргьы аҵан
ӡа дҭаԥшуаз џьимшьоз...
Ииашоуп, зегьы рыблақәа хтын, ирбон. Аха баша ир
ҳәом, ахьшьгьы хара иабоит, аха ауаҩ иибо азбом ҳәа...
Игәы урҟьар акгьы убаӡом, аха иара ида уаҩ изгәам
ҭо игәы аҵәымӷ алаԥҵәеит. Иҽанааирҵыслак уи
аԥҵәахақәа наҟ-ааҟ илакшалашт... Акраамҭа.
Ашарахь еигәо ианалага, хьшәашәарахеит. Ахьшәа
шәара Дигәа ихы-иҿы арԥсаҳәан, амца зхылан иҟаз
иб-лақәа хнатуан.
Дышнеиуаз, акы ааигәалашәан даангылт. Даахәыцхәыцын, ирӷәӷәаны иҿынеихеит. Дахьнеиуаз убас
ишьа еилашуан, адыжә-дыжәҳәа игәы еисуан, ихы
ицәымӷнатәуан ииӡбаз. Аха еиликааит, абас дшыҟаз
уи игәаламшәар акәын, ианигәалашәа ихы шизным
кылоз… Иара иакәӡамшәа дҟалеит.
– Иарбан сара уаҩ игәнимгара зыгәнызго, зегьы
среицәоума?!. Ма зегьы среиӷьума?! – даҿын уи ихала
ацәажәара, игәы ишамуаз.
Иҭаҷкәымқәа ааираҵәеит, ихаҭагьы иааџьеишьеит
ибаҩ-ишаҩ, ицәа-ижьы иазымкуа, гарҭа змамкәа иҟа
лаз имч ду.
Дҩаҵҟьан, дыҩны иҿынеихеит. Амарда ашьапаҿы
игылаз Цуца лыҩны днахьыԥшит… Дшыҩуаз уахь ихы
рханы дцон.Зны-зынла, аӡәгьы изымдырӡо, Цуца лхы ныбжь
ганы џьара дцалон. Мышкы-ҩымш данымааӡоз ыҟан.
Ақыҭантәи абызҳәацәа ихтны ирҿыҵашәалак аҳәара
иалагон, дхынҳәны данырԥыхьашәалак.
– Уаҳа ишԥазури, шәара зегьы шәыԥсызар! – лҳәон уи.
– Жә-камбашьк сыман, – иҳәон абызҳәацәа рахьтә
аӡәы, – ақыҭан акамбашь-цәаӷьқәа ҭәны ишыҟазгьы,
уи, ианазаалак, абарҭ аӡқәа зегьы ирырны архақәа
рахь икылымсыкәа иаангыломызт. Нас уатәи ацәаӷь
қәа анаслак ицәтәны, иқәач-мачуа ашьшьыҳәа ахала
игәарлон.
– Ҳа-ҳа-ҳа! Сара сакәым, шәара шәыҳәсақәа егьа
рааны ишәыҵыҵхьазаарын, царҭа ҳәа акгьы рбом
акәымзар… Анышә уашьын, ушынкашәара угылоуп, иза
кәыхи нас сара сҿы убз узасуа!.. – ирҿалырцеиуан уи.
– Уааҳә аауп, нас, уааҳә!!!
Ддоухазшәа акәын ихы шибоз Дигәа. Убысҟак имч
ижәлан дыҟан. Амардуан аҿҿа алго, хыма-ԥсыма
дҩыхәнан, абарҵа-кьаҿ хәыҷы ҭарҽыло дҩықәгылт.
Ашә дагәеит, аха наҟстәи аихаҵәы ылаҵан иаркызар
акәхарын, наҟ-ааҟ аҭӡамцқәагь шамаз иаахыџхыџит,
нас днас-насит. Иармарахь џьара аԥенџьыр аатит.
Цуца лԥынҵа аакыллырҳәҳәеит. «Ҟоҳ» ҳәа ақьреиԥш
лыҩныҵҟантә акы ныҭҟьеит уи. Аԥенџьыр дадымҵыц
иҳәоны, ашә аӷьӷьа ахган иаатит. Дигәа ишьаҿа
неихиган, иԥхаӡа, иҟәазгаӡа иҟаз аҩныҵҟатәи аҳауа

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҽыкәаҳа - 23
- Büleklär
- Аҽыкәаҳа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3661Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3688Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3644Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3664Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3657Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3617Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3674Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3732Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3708Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3715Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3632Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3748Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3786Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3716Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3638Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3621Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3686Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3072Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.