LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аҽыкәаҳа - 20
Süzlärneñ gomumi sanı 3621
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2472
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
еималан иҟаз ажыц нҵәаанӡа ус дцон. Абжьаҿараҿ
даннеи, уаҩышәара иҟаз аанда деихеигәо дыҩхыҵын,
аҵәаҭра дыҩҭагылт.
Аԥша аахыжьжьашәа иҟан. Аха абаҳча зегьы
«шьшьшьы» ҳәа Шьашькәа лгәылҽаннаҵар аҭахызшәа,
абжьы кашьшьы игон. Аҽыҩ бзиеиԥш зԥынҵа агәа
ҩарақәа ҭбаа-ҭбааӡа иҟаз аԥҳәыс, аҵәа ҟала афҩы
аӡыжь еиԥш дналагылт. Лгәы акы ныҵалан, ихианы
иҟазшәа иаразнак лылаӷырӡ аҿыланахеит.
Дқәыԥшӡан, 18 шықәса лхыҵуан абра данаанагаз.
«Дзыргәаҟзеи ӡӷаб ҟадыџь, дабаццакуаз» – рҳәон иза
ҳаз. Аха лара насыԥ лыман…
Уажәы дахьгылоу лцәеи-лжьи зегьы агәыр-сса алар
ҵозшәа илыхӡыӡон, аԥхӡы хьшәашәа лықәнаҭәон.
Еицрашәаны иҟаз лӡамҩақәа ирықәышьшь амалама
еиԥш лыхәрақәа ирықәҭәоушәа, лылаӷырӡқәа лгәы
дырԥсаҳәон.
Ацәақәа днарымҵыс-аарымҵысуа дышнеиуаз,
УИ днадгылт – АМҲАРА! Лнапы нагӡаны ашьшьыҳәа
ахьатә ӷәеихаса инахьылшьит. Аӷәы џьаџьан, аха
ихьшәашәаӡа иҟамызт. Ашә даннаха, иаатит. Дныҩ
налт. Аҩныҵҟа ҟәандаран. Џьара қәацак ақәымҭәац
кәа, асҟаамҭа амра зқәыԥхоз ахьатә ӷәы бахҵәаӡа иҟан.
Шьашькәа даанапыршьшьын ацәарҭаӷәы лыԥ
шааит. Ашьшьыҳәа днеин, лҽеиҵыхны днықәиеит.
Лылаӷырӡқәа ааҟәымҵӡакәа алеира иаҿын, лхы-лҿы
иахьыкәкәаны лыхәдахь иҭалон.
Уажәыгь уаҩ даламкьысӡац уи амҳара… Ҩбаҟа уар
дын амҿы маҭәахә згаз, еихаки ҵәымҟаки рыла еилы
шьны иааибырҭаз… Уи еибгаӡа игылоуп иахьагьы.
Убри амҳара лымбакәа, уажәраанӡагьы абас иҟоуп
ҳәа лоуҳәар илызхаҵомызт Шьашькәа.
Акраамҭа лыжәҩа ҭҟьаны, абра ааира лҭахны дшав
нагоз, уажәы машәыршәа дақәшәазшәа…
Уажәы еиқәхаԥса иахьгылоу дыҩнаиоуп.
Лара абра ҿыц данаанагаз ауп. Абар, амҳара ҿыцҳ
ҳараӡа уажәоуп ианыҟарҵа. Ацәыцә фҩы ҩнымҵыц
макьана. Шьашькәа дызлаиоу аиарҭа акәзар, амра
афҩы алач, унылашәа уцоит.
Абри аҩыза аиарҭа знапы иазыркыда, абасҟаамҭа
ԥҳәыс дзыҩнагыламыз аҩнаҭаҿы?!
Нас ахыб ахь дыԥшуеит. Дыԥшаауеит, дыԥшаауеит,
аха џьара кылҳаракгьы лбом, аӡы кылымшәо ихыбуп.
Ҽыҭк ажәҩан уаҩы ибарҭазҭгьы! Аеҵәақәа ӷәӷәаӡа
дрылаԥшуа. Иаҳҳәап, ажәытә ҩнқәа рҿы алҩа царҭа
шамаз еиԥш. Усҟан алҩа царҭақәа рҟынтә аеҵәа
убомызт, алҩа иаҵәахуан.
Алҩа, ауаҩ имцахаара абираҟ, аԥсыԥ лагаҩагара,
аеҵә хнаҩон. Аха уажәы алҩа аҽаџьара ацарҭа анеиҭа,
аеҵәақәа рбарҭагьы ихамышҭыр акәын ауаҩы.
Ахәыцрақәа дрылаччо диоуп Шьашькәа. Дкараха
гьы дыҟоуп. Абар, уахыки-ҽнаки зшьапы иқәгылан
ҭацара зуаз!
Ачара. Уи шаҟагьы икьаҿузеи, шаҟагьы еиҵыхузеи…
Ани аҵыхәтәан иааиз ауаҩаԥшь иажәа шԥанымҵәа
ӡоз! Бзеирак ианиаша!
Уи ҽыкәашак лхаиршәит… Уаанӡагьы шаҟа рахә
ҭиаа рыӡбахә рҳәазеи, ацәаӷәацәқәа рзааргӡа. Ус
аԥсышәан… Аха уи еиҳагьы еиӷьуп. Зыбзиабара атәы
ззымҳәаз аҷкәынцәа рхәыцрақәа реиԥш, уахь адәы
иқәлан иҳәлап урҭ «илхадыршәыз» аҽыкәашақәа, ажә
хьақәа, ацәаӷәацәқәа.
Зегь ссируп адунеиаҿ! Дахьааԥсоугьы ссируп!
Уии лареи аԥсаҭеи аџьыкаци реиԥш еизшаны аду
неи иқәиҵеит, зегь здыруа, зегьы зымчу анцәа ду.
Шьашькәа лаб лыда димаӡамызт. Иара зыԥсы злаз,
ақыҭаҿ унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз аӡә иакәын. Амчра
ҿыц анааи, уи зныказ рацәак ибжьы ақәимыргеит.
Амала, иазеицәоугьы акгьы иҳәомызт, заҵа иҟаимҵа
ра. Ҽырдагәа ҟаиҵеит рҳәан, ибжьы имырхырц иа
лагеит, аха усҵәҟьагьы игәҭасра цәгьан, егьалымҵит.
Шьашькәа лаб бзиа дибон, зда димамыз иԥҳа. Џьа
ра днеиԥыршәан ҟаломызт. Аиашаз, лара уаҩы иблаҿ
дааиртә дыҟан…
Урҭ ргәылара Арушьан «аликбезаа» аирԥхьон.
Зны Шьашькәа уа днеит лыҽӡаны. Мчыбжьык маӡала
дныҟәон уи. Мчыбжьык ала аҿҿаҳәа аҩреи аԥхьареи
лҵеит.
Ус, лаб ианеиликаа, ҳаӷеимшхара, аҩны дыҩнеикит.
Ас шлыхьуаз лдыруан Шьашькәа, аха уажәы аҽакгьы
лыхьит – бзиа дылбеит Арушьан. Уи ибжьы гәхьаалгон.
Ауаҩы аҟыбаҩ бзиа иман дироуп, убри аҩыза абжьы
ихазарц.
Ус, ҩымш аанҵәоны Арушьан ибжьы лыҩныҵәҟьа
илаҳаит.
Лаб азныказ ибжьы ирцәгьеит, аха нас акраамҭа
ҭынчрахеит. Адырҩаҽны «аликбез» ахь ацара азин
лоуит Шьашькәа. Аҽа шықәсык ала Арушьани лареи
рчара аҿҳәара ԥырҵәеит.
– Абар, саргьы!..
Шьашькәа лгәы нҭыԥсаа ицеит, аха иара данынеи
ҿаԥш, дааҭынчхеит. Уи икын ҵәа ҟаԥшь дук, уаҳа аҭа
хымкәа иҟаланы.
Днеины лаԥхьа днықәтәеит. Лара уи аҵәа илиҭаз
нарҳәы-аарҳәуа ԥыҭрак дахәаԥшуан. Ахаан ҵәа лым
бацызшәа акәын дшыҟаз. Аҵәа уажәы илбазма, аха
ас иааигәаны, изеиԥшроу гәасҭапҳәаҵәҟьа дахәам
ԥшыцызт. Уи азыбжак уаркалеиуа иҟаԥшьын, нас гье
жьырак ҩежьын. Иахьынӡаҩежьызгьы, иԥшқаӡаны
ашьеиԥш аҩныҵҟантә аҟаԥшьра аахыҩлон. Уи нахыс
ацхацәа шкәакәа еиԥш иҟан.
Шьашькәа лԥынҵа инадкылан даафҩын, иаха ҭа
цара злалуаз акасы шкәакәа ахьықәыз инақәылҵеит.
Абас лханы дықәтәан изхара дизымбо дышлыхәаԥшуаз
мацара, ашарахь инеигәеит. Убасҟан амҳараҿы иакыз
ацәашьы ыцәеит. Арушьан иҽеилыхны днышьҭалеит…
…Сааҭбжак аҟара ҵхьаны, Шьашькәа дыҭрысны
дҩықәтәеит. Амҳара злахыбыз аҟауар ҿыц, акы «аӷьеҩ»
аақәнаргеит, шәақьхысрак аҟара абжьы ҿацаны.
– Ҵәак алшәан ахыбра иқәшәеит, – иҳәеит Арушьан
дыччо, – ашарԥаз аҵәақәа нҿышәшәа-ааҿышәшәоит…
Уеизгьы ишԥабзиаз ахыб укылԥшны џьара аеҵәақәа
убарҭазҭгьы…
Ашьжьымҭан Арушьан иҽеилаҳәан дындәылҵит.
Ԥыҭрак ашьҭахь иаха икаԥсаз аҵәақәа аӡаӡа рыхьшы,
иҟәаҟәа-чаҟәан, инапқәа рызна иман дааҩналт. Ина
ганы ахышә аҵыршьы инықәиҵеит.
Шьашькәа иаха илиҭаз аҵәа еибгеи, уажәы иааигази
неимда-ааимдан днарыхәаԥшит. Аҵәа еибга афҩыхаа амҳара хәыҷы азеимдомызт, егьырҭ иҟәаҟәан иҟаз
аҵәақәа рыфҩы зегьы аарыҵадырӡит.
Зылԥха ҳаура… Лхәыцра шанахама, мшәан!
Шьашькәа дыҭрысны дҩагылт. Акы «аӷьеҩ» аақә
наргеит амҳара ахыбра. Нас дырҩегь…
Иҟалаз анеилылкаа, деиҭанықәиеит. Аԥша аҽарӷә
ӷәон. Иҿахаз аҵәақәа аҟәыбон.
Лылаӷырӡқәа бахьан.
Дырҩегьых аддыҳәа ахыбра нықәдырцәажәааит
аҵәақәа. Аԥшагьы, амҳара шьҭыхӡан иагарашәа, иаа
рҵысҵысит. Амҳара аӷәтәы-ҭӡамц ааигәақәа абжьы
ҳәа акгьы рзынкыломызт, адәы дықәушәа акәын
Шьашькәа зегьы шлаҳауаз.
Агылара лҭахымызт, лааԥсарагьы, лажәрагьы лыхь
ӡаны дықәиан.
– Ахара зду иқәнаго дақәдыршәоит, сзумшьызеи,
мшәан, усҟан! Дныҩныҵәааит Шьашькәа иаалыр
ҟьан. – Уара узашьҭоузеи, уара уҳаракуп… Сара соуп
ашәиҳәаҩ ишиҳәара адәы иқәхаз, сара икаҳаз… Ис
хароуп! Аха сара схала соума зегь зхароу?! Убысҟак
схы сзоуужьзеи уҩны сшьапы аныныҩнасыргыла аҽ
ны инаркны?.. Бахҭала иааӡоу илеиԥшыз аԥҳәызба…
Сҳәатәы ианакәызаалак зны узахымсзеи?! Убзиа
бара мацара сшазнымкылоз шԥоузымдыри, зыбзада
зыхәламыз, аӡәы иҳәатәы ахаҵарада акгьы ззымдыр
уаз аԥҳәыс мӡысхьа!
Уи сҳәеит ҳәа, исыздырам…
Иҟалап, ус анасыԥдара сшьа иалан сизар. Анасыԥ
да уанлыднагала, уаргьы унасыԥдахеит. Уҩны-угәа
ра қьаԥҭажәутәуеит. Иқьаԥҭажәхеит сара сыгәгьы…
Абза игәырҩоуп ауаҩы адунеи дықәызмыргыло.
Еиҳарак иара ихы игәырҩатәызар. Аԥсы игәырҩа за
кәызеи!..
Анышә анрыбжьала нахыс, адгьыл ишықәгылоу
инхази, ҵаҟа иҵарҵази ртәы аҽакхоит…
Лыбжьы аԥша иаланаӡҩан, иууа иаман абаҳча иҵан.
«Уу-уу-уу» – рхылгон аҵәақәа, хьаа бааԥсык ршьа-рда
иҭалан иҭнарҩаауашәа.
Шьашькәа, азаара ззааз леиԥш, зны ацәарҭаӷәы
лыҽнықәлыжьхит, нас уантәи аӷәрахьы лҽаллырҩрит.
Лыбжьы неиҵыхны, дагьацәымшәакәа, дқьызқьызуа,
лгәы ԥыжәжәо аԥша далаҵәуон.
Акраамҭа дҵәуон.
Лҽанааиқәылк, дырҩегьых уи лаԥхьа дгылоушәа
лбоит. Уи шлаԥшҵашәароу лдыруеит, аха лабҿабагьы
еиԥшуп, дзацәцом.
Ихахәы ҟәашӡа ишлоуп, ихоуп ипилотка иахьын
ӡаҵыԥшуа. Лара дызлыхәаԥшуам, хара џьара дыԥ
шуеит. Аха уи игәаӷқәа зегьы ихыԥсаахьоушәа, ибжьы
татаӡа иҟоуп. Ибжьгьы лаҳауеит. Лоуразоуроу лцәа
дҭаӡыӡоит аӷәра дахьықәжьу.
Узыршлазеи асҟак?
Аибашьра…
Аибашьра уара удагь ауаа ыҟан, аха?..
Аибашьра, аибашьра…
Ииашоуп, урҭ рыԥсы ҭаны ихынҳәит.
Ауаҩы данбзоу ауп зегь анихьуа, данԥслак – акым
зарак...
Аибашьра, ҳрыцҳара ззымгаша!..
Бара ибцәалаӡыда… Усҟак бгәы иҭнымҵәо?
Уара… уами, уара иуеиӷьу исымадаз, мшәан?
Сароу?
Саргьы… Сара схаҭагьы сҭахеит хьыӡда-цәада!
Бароу?
Дааԥышәырччеит уи. Дырҩегьых зымҩа дыԥшуа
далагоит, лара димбаӡошәа. Ларгьы уи лаԥхьа дгы
лоушәа дылбоит, аха дылцәыхароуп, дылцәыхараӡоуп.
Насгьы илбац иакәӡам. Уи зынӡа аҽа уаҩуп. Уи лара
лҩызцәа ауаа сса-мыссақәа иреиҳәогьы имам, рахагьы
имам. Уи дахьынаԥшлак, лара лаҵкыс ибоит. Лара
илҳәо зегьы ԥсажәоуп, акгьы лбаӡом, длашәуп.
Агәы ауп акры збо акәымзар, абла акры абома!
Аџьма ахәда ԥуҟаргьы, аблақәа ааԥшуеит…
Сыбла ахьааԥшуа сыԥсы ҭоу џьушьоума, сзумшьы
зеи, сгәаҟуа адунеи сзықәурхазеи? Уара аӡә заҵәык
уакәын адунеиаҿ уи азин змаз…
Бароу? Ибымаскузеи бара рыцҳа, быԥсы бзаԥсыр
хозеи! Быԥсы ахьҭоу бахыччалап… Аӡәы ишьра азин
аӡәгьы имаӡам!
Сара анкьатәи уԥҳәыс сами…
Бароу? Мап! Уи аҽаӡәын, уи аҽаӡәын! Уи дыԥсит.
Ауаҩы иԥсы анихыҵуа еиԥш, днабылԥраан дцеит.
Уажәы убри лыԥсы анкьа изхаз ажьымаҟа мацароуп
избо! Уи бара дбызгәамҭаӡацызт, сара сакәын иб
зиан дыздыруаз. Уи дссирын, аха дыԥшқацәан. Аи
башьреиԥш иҟаз ахымӡаах лызхымгеит… Хаҭала уи
лышьра иалахәқәазгьы ԥыҭҩык бдыруеит…
Дыздыруеит… Сыгәнаҳа зықәшәаша,дзыздыруазеи?
Дзумшьызеи усҟан, адунеи цқьамхозиз!..
Уи ихала иакәӡам… Баргьы… Еиҳарак бара… Дбыҵаԥ
сит сара бзиа избоз, зысаби дызҵаԥсыз аԥҳәыс леиԥш.
Издыруеит…
Уажәы еилыбымкаазар…
Уажәраанӡагь, аха уажәы саазқәылаз – еиҳагьы…
Сыԥҳа илырдыр ибулак, убри еилыбкааз, бацәымҩа
шьо еилыбкааҵәҟьазар…
Сара сакәызма убри зықәнагоз, уара уакәымзи,
сара азин сымоума зынӡаскгьы, уи аӡыхь снацәа аӡаа
кылара?! Шаҟа иҳаракузеи убла ихызбало аҟәышра!
Иабоудыруеи абасҟак, абри адунеи ду абасҟак иҭшәа
хазшәа узқәыԥшуа?!
Аибашьра, аибашьра… Аԥси абзеи, ацәгьеи абзиеи.
Уи збаҵәҟьаз, еилызкааз адунеиаҿ изымдыруа ин
хазеи? Амала, ибдыруаз, ацқьареи аиашареи ирыз
ԥымҟо акгьы адунеиаҿ иҟаӡам – хшыҩ дугьы, ма
зарагьы…
Абыржәы уԥсы ҭаны уҟазар, уԥсҭазаара урҿыцуазар
акәхарын!..
Ҳәарада! Аха исцәуадаҩхашан… Иҟаларын иаму
ӡаргьы… Аха иасыруан! Ма схы еиҭақәысҵон…
Убри аамҭазы, дырҩегьых амҳара ахыб аддыҳәа
аҵәақәа анаақәԥыҟҟа, иаразнак даалҵит Шьашькәа.
Хыма-ԥсыма дҩагылан амҳара дыҩдәылҟьеит.
Аԥша ӷәӷәаны иасуан. Ахьаа рымоушәа «уу-уу-уу»
зымшыз аҵәақәа, лара илықәмақаруазшәа лаҳауан.
Иаалырҟьан ашәаӡыӡара лзааит. Дыццакны лхы ахьы
нахаз лҿыналхеит.
Уажәы-уажәы, ҵаҟа иамҵаԥсаз аҵәақәа лшьапы
иаҵаҵәиуан, ма абаҳчара иҵҟьан иааиуаз аԥша аӷьыра
данамԥыхьашәалак, дырблаҟьан аҵәа ашьапқәа днар
гәыднажьлон.
Ус, дышцоз мацара, абаҳча ааимшәан, аанда днад
гылт. Амза хызҩаз аҵла рхыцәқәа аԥша ианааԥхьа
наҳәа, алашара ҩежь дналылбааит агәара анхыҵ, ам
ӡырхаҿ ишьҭаз ауаҩы…
Шьашькәа лыԥсы налхаҳан, лышьҭахьҟа дыҩит.
Лаԥшҵашәаразар акәхап, аха зынӡа алабҿаба иш
ԥеиԥшхо уи зны-зынла.
Аххы дцәыҵасуа, дкаҳарц данбырлак, аҵәашьапқәа
лнапқәа аарыкәыршо деиханы дцон, дцон, аха абаҳча
нҵәомызт.
«Уу-уу-уу» ҳәа аԥшеи дареи напышьашәала иахьеи
баку, лара илықәмақаруашәа лбоит.
«Уажәы ҳнапқәа ҭацәым акәымзар, ибҳарбарын,
аҵәа баҳаргарын!»
Шьашькәа лгәы ҭыԥсааны ицоит, деихоит, деихоит,
аха џьара ҭыҵырҭак лзыԥшаауам. Дышнеиуаз, аԥша
иҿнаршәаз аҵәақәа руакы лхагәҭаҵәҟьа иақәшәеит.
Иҟалаз лзымдырӡакәа дныҩныҵәаашан, ганха ды
ԥеит. Ашьҭахь аҽакы лҟәаҟәа ахыҵәҟьа иақәшәан,
ахьаа лхыԥсаанӡа аҵәа ашьапы кны ус дгылан.
Ухҩаауа, ҽааны умиуа!..
«Уу-уу-уу» – имақаруеит аҵәақәа.
Зныкыршәа аҳандақь дазнеиит, уаҳагьы иахьеиӷьу
ҳәа дашьҭамлеит. Ажыц лшьапқәа цәнаԥит, шә-наԥ
хыц хԥарак реиԥшҵәҟьа. Илшәыз кәыкәны, лшьап
қәа цәыжәжәа, цәгьаԥсышьала дыҩхыҵын, наҟ адәы
днықәлеит. Убри аҳандақь даавымшәаӡакәа мацара,
амҩаду ахь дкылсит.
Лхьаақәа, уажәтәи лшәарақәагь анааидылхәыцла,
Шьашькәа илзымычҳакәа дырҩегьых инеималҭәеит.
Акыр иласкьахьаз амза иакәыршаз аҽыкәаҳа, ажә
ҩан абжа амҽхакны иахьыҟаз аҟынтә, ажәҩан зегьы
хышәҭызшәа унарбон уахьҩаҵаԥшуаз. Аҽыкәаҳа аԥш
шәгьы еиҳа илҵны, еиҳагьы ихәашьны ажәҩан иа
ныԥшуан.
Аԥша шасыц иасуан.Аҵыхәтәан иааргеит инӷыҵысыр ицәаӷәашаз цәҟатак. Уи ашаха икын жәаҩаҟа-жәахаҟа шықәса зхыҵ
уаз ҷкәына хбыџк. Ацә-ҟата зкыз аҷкәын игәра агон,
ахы наидшьыло игылан. Егьырҭ заҳәызба цырцыруа,
змахәарқәа еилыхны инеиз усыс иакӡамызт. Аԥхӡы
зқәыҳәҳәы иҟаз ақьышә хышра алашара нықәырԥхо,
аҵла амахә ихшьыз афымца лампа арахь даахеит аӡәы.
– Уара унаскьа, баба, – иҳәан излан иҟаз арԥыск,
инапы ӷәӷәақәа рыла ацә-ҟата атәыҩақәа нҭарсны
иааникылт. Ицхыраахагьы уаҩы даламгаӡакәа, ахәда
ааирҵәин ианымҩаниҵа, адыжәҳәа зқәала анышә
инықәҳаит.
Ацә зкыз аҷкәын наҟ днаскьан, изқәа арахь ирханы
дҩагылт.
Икаҳаз ацә-ҟата даҽа ԥыҭҩык назыҩит.
Ацә анкаҳа, ҳәызба змаз зегьы азыҩуан…
Урҭ аԥшьшьапык ааилышьны иааныркылт. Ацә
ныҩныхәааит.
– Анцәа уисасуп! – иҳәеит ацә иахагылақәаз руаӡәы
дааччан.
Аҷкәын хәыҷы дахьгылаз инацәкьысқәа илымҳа
инҭарӷәӷәа иџьгәеит.
Иҽааиреиџьит изқәа аӡәы дықәсызшәа. Ԥыҭрак
ашьҭахь, илымҳақәа шьҭны данаахьаҳә иалыҩрны
ашьа еиқәаҵәҳаҳараӡа ицәҳәхьаз анышә иқәтәон.
Ҷкәынцәақәак кәызҭхак аарган, ахәда ахьԥжәаз
инаҿыршь-ааҿыршьит.
Аҵла амахә иахшьыз афымца лампа гьалгьало,
ицә ақьышә хышреи, изхҵаалазшәа инхаз аблақәеи
инархыс-аархысуа ишарлашоз дахәаԥшуан аҷкәын
дахьгылаз.
Ацә зшьыз аҷкәын ҟата, ихы-иҿы ԥшьырқцаӡа,
кьаҿк, имахәарқәа ахьынӡеилыхыз ахәы рықәыссы,
ишәпа-шәпаӡа, иаҳәызба ду ашьа аҿашәы иара да
хагылан. Нас иҽылаирҟәын, инапы ӷәӷәала агәышԥы
дҩыҵалан, ахәламшәы аҟынӡа ацәа ирҟьеит ҳәызбала.
Даҽа ҷкәынакгьы ичақ ду аҿы ааиртын, имаҟа азхык
ааиҵыхны, инахьшьы-ҩахьшьны, маҷк иааирбыз
тәын, иҽырхәашәа азганк ацәа ахыхра далагеит.
Ашьтәақәа знапы рылакыз ирцәыхарамкәа ақәаб
дуқәа ҩба рызна акәац жәуан. Ҷкәынцәақәак аҵа
гьежьны амца аҵарҵон, аха аԥша иаҵхны иагон. Дар
гьы гәамҵуан.
Ашьаԥа уахьыныҩналозҵәҟьа, аҩынаҳацәа зыԥса
хырц иҟаз хыма-ԥсыма акрыфара иаҿын, хыма-ԥсыма
аҩы еимаркуан.
Аҷкәын хәыҷы аҵла ашьапы иҽадҵан, ацә иахеи
багәа ажәжәаҳәа ацәа ахызхуаз дрыхәаԥшуан.
– Ари зиҭизеи уаб, шәашҭа иазымки уара? – дҵааит,
иара аҷкәын хәыҷы иеиԥш, аус зуаз ирыхәаԥшуа игы
лақәаз руаӡәы.
– Сыздырам… Уи еснагь ауалҳәацәа ишьҭоуп.
Ари заҳаз ааибарччеит. Ацә зшьыз аҷкәын ихы дҩа
хан, ҿымҭ уи днаихәаԥшын дааԥышәырччеит.
– Ауала атәы цәгьами, дадхеит… – иҳәеит аӡәы.
– Изакә рахәызиз, анаџьалбеит!
– Ацыцаша, чара-хбыџк ахала еилнаргоит.
– Ари еиԥш акәац ҟалом, аԥшқажьы еиԥшуп.
– Аԥшқажьы изфо рзы ибзиоуп, аха аԥшәма изы?
Уажәы абри назымҵоуҵаз, акы нмыжькәа ифоит, аи
шәа иаақәхауа ҳәа акы нхом…
– Ифарц ами нас… Ауаҩы данаауԥхьа, ахәыцха
иҿоуҵоума!..
– Мап, мап! Уи азы акәым изысҳәа…
Ас егьырҭ еицәажәонаҵ, урҭ аҩыџьагь ацә ацәа
ахыркәыцәааит. Нас ахы аахыхны уа ирыдгылаз амжәа
аимҿаԥара иҩыбжьарҵеит.
Акәац аиҿыхра иалагеит.
Ацә зшьыз аҷкәын иаҳәызба наиркаанӡа иагон.
Раԥхьа амгәацәа ирҟьан, алҩаҵә ахызза амгәа ааҭирб
геит, иԥакьал мацараха.
Егьи аҷкәын аԥакьал ахыхра дналагеит.
– Акьатеи иуцәакьымсааит, ауаҳәа амгәа аҟьа
шьып, – иҳәеит ус иԥшуаз рахь аӡәы.
Аҷкәын, ҿымҭ, инап ҟазақәа рыла, аҳәызба ахьным
ҩаниҵалак иахьаҭахызҵәҟьа иақәшәон.
Аԥакьал анхих, амгәа ҩышьҭыхны акалаҭ иҩҭары
жьит. Нас, ахәламшәы аарсалан, ихнацәак ҭаршәны
данҩаха, арҳәарах – агәы, агәаҵәа, арԥҳақәа – зегьы
шеимаз иааҭиҳәеит. Иаҳәызба хьанҭа ду ала махәык
нҿиҟьан, инкнеиҳаит.
Абас хәыҷы-хәыҷла ацә, жьыхәҭа-жьыхәҭала иааи
ҿырхын, қәаб дук иҩҭажьны ахшьапы инықәдыргы
леит. Ацәа ҟьанташӡа ашьа ақәыжжы ҵаҟа иаашьҭахеит.
Ацә зшьыз, еиҿызхыз аҷкәын аӡы изаарган, инап
қәагьы иаҳәызба ццышәгьы инархьиршеит. Иаҳәызба
рбаны, деиҷаҳауа аҭра ианҭеиҵа, дцан мшьамбак
ааигеит.
– Абри амца ахьчартә ианаҳзыҟамҵа, – иҳәеит уи, –
кәацкгьы ҳзымжәит, ҳмаҵурагьы ҳамырхуеит…
Уара уалагеишь, даба, нас ҳара иҟаҳҵалак убап, –
иааибарччеит ақәаб иакәшаны итәаз, ԥасагьы иши
шьуа агәаҭараз иаазшәа иахәаԥшуа игылақәаз.
– Шәабеизыргеи уаха абысҟатәи аашьацәа, ауаҩы
иҽазҵәылхны дашьҭазар изымԥшааша ауаа! – дааччеит.
– Дырҩегьых уареи сареи акы ҟаҳамҵозар, арҭ
рзыҳәа иахьа акәым, уаҵәгьы иҟалом, – дҩагылт ацәа
ицахызхыз.
Аҷкәын хәыҷгьы урҭ днарыдгылт.
– Умбои ибаҩ шеиламгыло, мышрак ианиаша уара
узыхшаз аԥҳәыс!
Уи ҿымҭ дааччеит.
– Ани аҷкәынгьы ицә ажьы рзымжәыр ҳәа дшәоит,
умбои, дҳаҵҳаҵо дшыҟоу.
Амшьамба зланыркылашаз алабақәа анадырс, егьы
рҭгьы ҩеибаргылан, урҭ инархадырԥеит. Амца ахы
ианақәиҭха, ақәабқәа иҩарыҵачын, «анапқәа иаары
қәнаргылт».
Амца иаакәшаны иаатәеит зегьы. Аҷкәын хәыҷгьы
дымцакәа, дара рхахьшәа днатәеит.
– Уара узмырцәозеи, баба, уаха?
– Исҭахым…
– Ма арахь амцахь уааскьа!
– Исҭахым…
– Дганы џьара акриҿаҵазар акәын. Ахәыҷы игәы
ҵшьаауа дрыцҳауп.
– Исҭахым…
Зегьы ааибарччеит.
– Ицә игәы иалагәышьазаап…
– Ахы еибгоуп макьана, ахәамц ауп акәымзар!..
– Умшәан шәыжә-ӷра еибгазар, уи еиԥш егьа цәы
узарип…
– Ҳажә ӷраӡам ҳара!
Зегьы ааибарччеит.
– Нас?
– Еиқәаҵәоума?
– Мап!
– Иаԥшьуп!
– Мап!
– Иҩежьума?
– Абыржәы иаԥшшәу аԥшшәуп!
– Ишьаанӡатәиу?..
– Мап, уажәы?..
– Уажәы? – инеихәаԥшы-ааихәаԥшит.
– Ишьаанӡа иӷран…
– Уи – иршьаанӡа!
– Уажәыгь иӷроуп!
– Мап, ауаа роуп ҩныҵҟала иӷроу, арахә – адәахьала
мацароуп…
Зегьы ааибарччеит. Ацә зшьыз уи аҷкәын ихәда
инапы ҩакәыршан, иара иахь дааихеит.
– Уара, ииашан, уҷкәына шьахәзаап…
Амца агәгәаҳәа ақәабқәа ирыҵагьежьуан. Аԥша
ахәы ихҟьаны арахь иҭаҳауан, аха ари агәаҩараҿ ра
цәак аҽазышәомызт. Уеизгьы, абӷьыжә амч ақәхартә
иааӡон.
– Уажәшьҭа иаап ҳәа сыҟоуп аӡын…
– Сык ҳзаундаз, иаҳауеи…
Аҷкәын хәыҷы ашьшьыҳәа амца дахәаԥшуа дахь
тәаз иаҳахьаз алакә игәалашәон.
Дыҟан шәарыцаҩык. Уи зны дханагалт ашьхақәа
рықәцәан. Ажәеиԥшьаа итәарҭаҿ. Арахә реиԥш еи
лаарцыруа ашәарах ҳәуа адәы иқәжьын. Ашәарах
ԥшӡақәа, абнакәты ӷрақәа еилыбзаауа инеилыс-ааи
лысуан. Ишәаӡомызт.
Ашәарыцаҩ дангәарҭа, дрыма Ажәеиԥшьаа дахьтәаз
днарган дидырбеит. Иреиӷьыз қәасабк изыршьын,
ажәҩашәаҟьа наимҵарҵеит. Иаҳәызба акәац шала
ԥиҟоз, ажәҩашәаҟьа иахьналаиҵаз ихашҭит.
Уантәи дшаауаз қәасабк ибан, инагәыдҵан ишьны
аҭыԥ аҿы дааит. Акәац ржәын, имҵарҵаз ажәҩшәаҟьа
алаԥиҟарц иаҳәызба данашьҭала, аҭра ҭацәын. Аҽа
ҳәызбак ирҭан, акәац ыфо дышнеиуаз, иӡыз иаҳәызба
ажәҩашәаҟьа иаалихит.
Ажәеиԥшьаа иара ишьны иифо акәзаап, ауаа ҿаҵа
хәыс ирзыԥҟоу…
Акәац агәараҳәа ажәра иалагеит. Аԥша аапкӡаны
ара аҭаҳараҿгьы аҵла рхыцәқәақәа кыдӷәыхаа иагон.
Ашьаԥа аҟынтә иаауаз ашыкьбжьы акыр иӷәӷәа
хахьан.
Уажәшьҭа иаамҭоуп ҳәа анигәахәуаз, Рушьни ашьа
ԥахь днеит. Уахьҵәҟьа дыҩнамлакәа, амаҵуцәа да
хьырԥырхагамыз џьара даавҵагылт.
Уи иҭахын иахьыкәашо дрыхәаԥшырц.
Аха уажәакәын аҩы анрыларгалоз. Аџыр, дҿаԥхаҿаччо, аҩы ихы-иҿы иқәлан дахьтәаз, икәша-мыкәша
уаҩ дыҟаӡамшәа, џьарак мацара дыԥшуан. Иармарахь
Лаз дтәан. Уи ԥыҭк анижә, иблақәа зынӡа ихәыҷхан,
ақәыцқәа реиԥш илакыҵа иҭыҳәҳәон. Иарӷьарахь
дидтәалан Ездора. Уи зегьы уаҩы дрылибаауан. Ашлара
иалагахьаз ихахәыжәпа, ахылԥарч еиԥш ихаргылан,
ихы-иҿы ҟьаҟьа ду шкәакәаӡа ашьшьыҳәа дтәан.
Аҩы «ҽааныбзеила» ҳәа ианеимырдақәа, Аџыр аҵә
ца шьҭымхӡакәа дҩагылан, ашьаԥа ыҵырҭәаа итәаз
днарылаԥшит. Аууҳәа еилаз ашьаԥа, хәыҷы-хәыҷла
иҭынчхо, еиқәышьшьы иааҟалеит.
Аџыр аҵәца аашьҭихит.
– Шәыххь згеит, сықәлацәа, суацәа, сҭынхацәа,
сгәылацәа! Џьара ҷышәк зсырҵахьаз, сџьабаа хәыҷы
ҳаҭыр ақәызҵаз, иахьа абра шәеизеит… Шәхы аџьа
баа ашәырбеит. Иҭабуп, дадраа, сыҟанаҵ шәара шәзы
сыҟоуп!
– Абзеира узыҟалааит, дад!
– Уажәымҭа шкәакәахааит…
– Анцәа уиныҳәааит.
Инеиларыԥсеит. Ԥыҭрак ашьҭахь еиҭааиқәтәеит.
– Абра иахьа ачеиџьыка хәыҷы шәызхатәоу зыр
ԥшӡаша, аҩгьы зжәыша, ишәзыржәыша, ашәаҳәарагь,
акәашарагь шәгәазырԥхаша аӡә ихьӡ сҳәоит… Сгәы
иаанагоит шәсықәшаҳаҭхап ҳәа!
– Уныҳәазааит!.. – Ездора деиқәхаԥса дахьтәаз ихы
неиқәикит Аџыр.
Изуҭац иҭала…
Рушьни, уахь аӡырҩра даҟәыҵын, уажәы ашьаԥа
рҭәны итәаз ачара уаа дрыхәаԥшуа далагеит.
Атолбашь аԥхьатәи аныҳәаҿақәа икит. Ездора деи
ҩаҳаҳа ашьаԥа аханы дгылан. Ихы дҩахан, иаҵәца
астол иааҟәыхуа маҷк иҩышьҭыхны, зныҳәаҿа икуаз
дрыхәамԥшӡакәа дцәажәон уи.
Рушьни дырҩегьых уахь днаԥшит.
Харантәи дгылан ихы дахәаԥшуашәа, ажәацыԥхьа
ӡа иааиҳәоз зегьы, даҽаџьарантә дгылан дазыӡырҩуа
шәа, дааҭгыла-ааҭгыло, дацклаԥшны дцәажәон.
Аҵәцақәа дрыхныҳәан, акакала ишьҭыхны иҭар
цәуа, инапы шкәакәа дуқәа рыла, ирссаны ахаҵгыла
цәа иаԥхьа иқәырҵаз акәац, асыӡбал инахьшьыҩахьшьны иҿы иҭеиҵон. Уаҳа иҽалажьны акгьы ифо
мызт.
Аҵәцақәа анижә, лахьы даԥшны ҳәа акәымкәа, заа
иалихыз ицхыраацәа ириҭеит. Дара жәҩахыр-хыла
идәықәырҵарц.
Уинахыс икәша-мыкәша иҟарҵоз иара зынӡа иус
алаӡамызшәа дтәан. Ачара иара атәы ҟанаҵон.
Ачара даара иааилашыҩкхьан. Раԥхьаҵәҟьа ачара
иахатәоу зегьы акрыфара иахашәалом. Зны ахыхьмыхь напы адыркуеит, акәтыжь, амгәа-чаԥа, зеиуа
уҭаху аҵәыҵәырақәа, зеиуауҭаху ачашәқәа.
Иҟоуп асасцәа рзыҳәан ирӡыз, ишәы мацараха, ита
таӡа. Егьырҭ ачашәқәа мышкы рхыҵыр икәамԥахоит.
Ахы рылымҟьо. Урҭ рахьтә иҟоуп агәыла ҳәсақәа уал
багас иааргақәаз. Хыхь-хыхь ашә нақәыршәшәан,
асахьа шьахәқәа анҵаны, алаԥш-ҿаԥшы аҟны иааиратә
иҟаҵоуп. Аха иааԥуҽыр, аҩныҵҟа мажәа мацароуп.
Иаазгаз руа дарбану уара идыр…
Ҳәарада, иҟоуп аҳәсақәа, аӡәы изгьы зхазы аҵкыс
иацклаԥшны иҟазҵақәо, иашьцылахьоу.
Ахыхь-мыхь ахацәа рацәак рҽадырцалом. Аҳәса
роуп уи зчысхәроу. Урҭ ачашә анаарымҵарҵа, иԥҽны
иахәамԥшыкәа иацҳаӡом. Уалбагас иааргаз акы рықә
шәар, ирыватәақәоу инарымҵакны иддырбоит: «Еи
ӷьу ҿаҵахә бмоуааит уи зӡымҭоу!» «Шьоукы иҟарым
ҵо, рхы иаҭәарымшьо ҳәа акгьы ыҟам…» – рҳәоит
егьырҭгьы.
Ҿызымҭӡогьы ыҟоуп.
Ахыхь-мыхь ашьҭахь абысҭа рыларгалоит. Ҩыџьахҩык аҷкәынцәа ркалҭқәа рымӷыҵарҵан, абысҭа
харапан изҭоу ачуан ду аакылыргоит. Аҽа ҩыџьахҩык арԥарцәа, рмахәарқәа еилҳәа, рымҳабысҭа ҟьа
ҟьақәа ирзыҭго, ма ишиашоу аишәақәа ирыхҟьаз
агазеҭ иқәырҵон, ма асасцәаҵәҟьа ахьтәаз ачанахқәа
ирнырҵон.
Абысҭа анызҵоз ирышьҭалан рҿынархон акәацша
цәа, саара дук, ма калаҭк азна акәац рыма…
Акәацшаҩ иус зегь реиҳа ихьанҭан, ЛАХЬЫ даԥшны
ишароуп. Акәац еиҿызхуазгьы идыруеит уи. Заа жьы
хәҭа-жьыхәҭала иԥиҟоит. Нас ашаҩы изымҵаиҵо шаҟа
дсасу, дсасымзаргьы, дзеиԥшроу ала ишо иҿынеихоит.
Убри аҟынтә, акәац анимҵарҵо, дарбанзаалак, иҭа
хы иҭахым, ихәахьы дымԥшыр ҟалаӡом… Амла деи
қәынҵәо, иԥсы цәгьаны акәым, еиҳараӡак илахь иша
ԥшыз, дшырԥхьаӡаз гәеиҭарц…
Уажәы, акәацшацәа асасцәа ахьтәаз аҟынӡа иан
неи, ажьыхәҭа бзиақәа рыԥшаауа, еиҳа иннакыло
иалагеит. Ездора ианынаидгыла, ирхианы ирымазар
акәхарын, аԥылгыды наимҵарҵеит.
Иаргьы иахьа абра дахьтәоу ачара дахганы, ихәыц
рақәа хара днаскьаргахьазаргьы, икәац-хәы илаԥш
нақәимкыр амуит. Агәра ганы дыҟан аԥылгыды, ма
аԥымаҵә шиаҩрымгоз. Ҿаҵахәыс иара аԥымаҵә еи
ӷьишьон аха уеизгьы аԥылгыды еиҳа ахьӡ аман. Убригь
игәы ааҟанаҵеит.
Ҿаҵахәыс зынӡа иҭахымзаргьы, ҿаҵак налимфаа
ӡаргьы, иахьжьыхәҭабзиоу аҟынтә, изаҭәаршьаз игәы
ианахәогьы ҟалалоит.
Ездора Аџыр иахь днаԥшит. Уи дҿаԥха-ҿаччо дтәан,
аха иара иеиԥш убригь аҽаџьара дыҟан, деиԥхь
хәыцаауан.
– Абри сара сакәмызт изыхәҭаз, – имҵарҵаз аԥы
лгыды, акы ицәамшәар ҳәа дшәоушәа, иҩнапык рыла
иаашьҭихын, Аџыр иаԥхьа инықәиҵеит.
– Уара умсит!
– Уара умсит!
– Уаҳа, уара умсит! – Ездора инапы ӷәӷәақәа рыла
Аџыр инапқәа ааидкылан днарнахан, асаби иҷапан
анхырҵәо еиԥш, уа иааҿахиҵәеит реимак.
Аџыр даалак-ҩакшәа иун, иара имҵаз авара-ахы
шра наган Ездора инаимҵеиҵеит.
– Ус ҟоумҵандаз, ухәы суҭарц азы акәызма… –
иҳәеит Ездора ажәаны, иҽмырҵысӡакәа.
– Акәац мачхәума, – иҳәеит. Аџыргьы, «уи азы
иҟоуҵозар, амҟәындыр мҵаа уҿашәааит» иҳәарц
иҭахызшәа, – кәацымзар иҳамоузеи…
Ездора, уаҳа ацҳәа мҳәакәа, иаԥхьа иааган иқәыр
ҵаз ҳәызбала ирыссо, акрыфара дналагеит.
Егьырҭ еиҳа уаҩ ибарҭамыз ачарауаа, чарабжара
ааиҩыршахьан. Адәахьынтәи аԥша абжьы ӷәӷәаны
иааҩуан, аха ашьаԥа рацәак иаԥырхагамызт иааб
жьырҟьашәа, аҽныҵган арыжәтә зыжәхьаз ауаа инар
ҿасуан, рыԥсы дырго.
Аҵәцақәа раԥхьатәи анапы неины иахьыҟаз аууҳәа
еилан. Изыкқәаз ҩагылан аныҳәаҿақәа анырҳәоз
иаазыӡырҩуан, нас ма гәыԥ-гәыԥла акы иалацәажәон,
ма аӡәаӡәала рхәыцрақәа рҽырзыркуан.
Асасцәеи аԥшәмацәеи рыгәҭаншәа, ана-ара итәоуп
абыргцәа. Урҭ ԥыҭ-чыҭқәак рфон, иржәуан. Нас, рԥа
ҵа-шлақәа рнапқәа нарыхьшьны, ирывагылаз рла
башьақәа аашьҭыхны, аӡәы – уи акәымпылра иц
ламҳәа иаҵаргыла, аҽаӡәы – ижәҩа инаҵарсшәа,
аҽаӡәы – иара ус икны, аԥсеиԥш иахарсу аџыр анышә
иҵакшо днатәоит. Зны-зынла ажәақәа еимырдоит, аха
ацәажәара рҽаламҵацәакәа.
Иудыруазеи урҭ зызхәыцуа. Ирхырымгац иҟоузеи!
Егьа гәыӷра, бзиабара ргәы аҵаа еиԥш иҭахьшәашәан
инхахьеит! Егьа гәаӷи, рыцҳареи, лаӷырӡи лбаарда
хьеит. Уажәшьҭа мычхара дук злам рцәеи-ржьи егьа
шәахсҭа рнуп. Икәадахеит геи-шьхеи еимзырҟьоз
ршьамхы ҵарқәа. Ркәымжәқәа, иркыду аҳазырҭрақәа,
асахьаз ирҭоу аҳазырқәа хәшәы рҭам… Рыраӡныцқьа
ҟамақәа, рымсаҟеи ҟамақәа, абаҩыш-хәы змоу рҟа
мақәа ҭынчӡа рыҭрақәа ирҭоуп…
Зыԥсы ҭоу амузеи еиԥш икаххаа унарылаԥшуеит
уахьнеилак… Кәрыжәаа ирықәлоу аҵла дуқәа изқәиааз
адгьыл шырдыруеиԥш, ирдыруеит урҭ аԥсҭазаара.
Ахыҭҟьареиԥш амҩа рацәа ианысыз рыҷкәынра, уа
жәы ихьаҳәны иҭырҷҷаауа еиҭархәыцуеит, еиҭеигәыр
ӷьоит, еиҭарџьабоит, иршәоит, ирзоит…
Ауаҩы ибырграан, иԥсҭазаара дазхәыцыртә аамҭа
изахашәалоит. Даара ирацәаҩуп, зыԥсҭазаара мҩа
анҵәамҭазы, «адунеи сзықәызиз, сыԥсы зҭазиз» ҳәа
иазхәыцхьоу. «Акрыфараз мацараз?..» Ауаҩы, егьа
дбааԥсызаргьы, акрыфара мацараз адунеи дықәым!
Иҭахы-иҭахым, џьара изакәызаалак акы зыҭнымхо уа
ҩытәыҩса дыҟаӡам.
Аха дышԥаҟаларишь ауаҩы, дызхысыз иԥсҭазаара
абжеиҳарак ҭыкка, аҵла гәаҩеиԥш ишынхаз еиликаар?!
…Ауаҩы џьара машәыршақәгьы абзиабара дна
хьымԥшызар, ма аԥсҭазаара аҽинардырратә иԥш
қаӡа аҽихьнамшьзар?.. Иара агәаҟрагьы ахы инамыр
дырзар?..
Итәоуп аҭаҳмадцәа хи-хәшәи зҭам рҳазырқәа, рҳа
зырҭрақәа ирҭаӷӷа, иҭынчӡа зыҭра иҭоу рҟама хьан
ҭақәа, рмаҟақәа иларыхо… Иаангылаз аамҭеиԥш. Аӡы
зымҵәаз алу еиԥш, иҟәызга-ҟәызгаӡа рыбла ихгылоуп
иаангылаз, итәаз рыԥсҭазаара, ираҩсыз амҩақәа,
ашықәсқәа, амзақәа, амшқәа… Дара заԥхьаҟа акгьы
ззыԥшым абыргцәагьы, урҭ еиԥхьышьшьаауа, иртытуа
ирылоуп.
Ана-ара иаалырхлоит, ахымҩас еиԥш рцәа-ржьы
иалахан, иалаԥсаны иҟақәаз агәырҩақәа, инамӡаз
агәыӷрақәа… Аха урҭ уажәшьҭа иџьхьеит, ибылхьеит,
мычгьы рымам.
Ана-ара ирԥшаауеит, иԥсхьоу, иканӡахьоу рыб
зиабара «ашәҭқәа»… Мшаҽны ирхыз афҩы рхыркаа
рашәа, урҭ «инарыфҩы-аарыфҩуеит».
Итәоуп аҭаҳмадцәа…
Урҭ ирышьҭанеиуа, макьана ажәрахьҵәҟьа иузым
ԥхьаӡо, шьҭа зарԥысрагьы иахыԥахьоу шьоукы, зегьы
реиҳа акрыфара-акрыжәра хҭакны ирымоуп.
Урҭ унацәа узрыламҵо, рыҿқәа еизырханы еила
ҵәаҵәа итәоуп. Аӡәы аҵәцақәа икуп, аҩы лашьцаӡа
аҵәца иҭоуп, аха уи дахәаԥшӡом (аҩы ахьугалакгьы
ҩуп, ижәыр ибап).
Ауаҩы ажәрахь ихы анкыдиҵалак, ихаҵара анҿаҟәа
халак, аӡымлага еиԥшу имч ахашәало иалагоит. Убри
имчхашәала, уажәшьҭа аҽаџьара изнымхуа, афараажәрала еиқәигәоит.
Аҿар ахьтәаз уажәшьҭа рымч еиҳа-еиҳа ирыҵасуан.
Аҩыжәхагьы рнаҭомызт, акрыфахагь.
Аҳәатәы рацәа шрымазгьы, аҳәаха рымамызт.
Амаҵ зуаз аҭыԥҳацәа ракәзар, ршьапы иахьықә
гылазгьы, уажәы-уажәы рылаԥшқәа арԥарцәа рахь
идыршәуан. Аха уахьынтәи, аҟамаҿ еиԥш иццышәха
зҿаазхоз, аҩы иаршхьаз алаԥшқәа рзымычҳакәа
ихьаԥшуан.
Ус, «Ачарашәа» ааҭдырҟьеит.
Рушьни дшьахны дахьгылаз, ишьапқәа ааԥсахшәа,
иԥсы ааивигеит.
Ҷкәына ҵәрышкәак, иԥынҵагә ырхәан, ихәда ҭҳәа,
џьабаа мыцхә мбаӡакәа иркьыкьуан. Ашьаԥаҿы зегьы
инарылсны, иаахьанарԥшын, нас индәылҟьеит уи
ибжьы. Иаԥыҩлоз аԥшагьы, акраамҭа амч ақәымхакәа
хара инаскьон.
Нас иҭҟьеит анапеинҟьара.
Иара убри ахапа зҳәоз акиҳәа ибжьы ирган, дак
ӡамшәа аишәа дахууааны, ашьаԥа агәҭа аҽыҩҳәа
шьамхыла днықәсит. Аӷырӷынеиԥш ави-ви дгьежьуа,
ашьаԥа абжарак нарганы даақәлеит.
Ачарауаа иаразнак рҽырыԥсахт, зегьы агәырқь
ҳәа иҩагылан акәашара иалагарашәа. Зҽеиҵыжьшәа
итәақәаз, рӡарақәа иашаӡа, иҟацаӡа иаразнак рҽааи
ҵырхит. Зыбӷа хәаз иаԥхьаҟа днеихеит, аишәа днад
сылартә. Уи иҽеиҵихыз аҟара ицхрааит. Игылаз, амаҵ
зуаз, иаԥхьатәиқәа дырхыԥшны акгьы анимба, ишьап
ԥынҵа дықәгылт.
Ашьаԥа иахатәаз асаркьеиԥш иныԥшылартә рбаз
шәа, иара иахь ихьеирԥшит уи. Акәашаҩ!
Рушьни дахьгылаз иааԥсара ааихашҭын, ихьуаз
ишьапгьы ласхазшәа, иԥсы ҭалазшәа дааҟалеит.
Акәашаҩ шьамхыла мацара идәықәигалаз аҭар

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҽыкәаҳа - 21
- Büleklär
- Аҽыкәаҳа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3661Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3688Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3644Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3664Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3657Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3617Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3674Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3732Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3708Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3715Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3632Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3748Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3786Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3716Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3638Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3621Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3686Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3072Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.