LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аҽыкәаҳа - 18
Süzlärneñ gomumi sanı 3648
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2357
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
– Мап, уажәшьҭа сцар сҭахым...
– Уи, уара узҿу атәгьы зны аамҭа анҳамоу ҳала
цәажәап, – иҳәеит Аџыр ацралара иҭахымкәа, – сара
излазбо ала, уареи сареи еиҳа ҳаизынхоит ҳәа сыҟоуп...
Сара уара уаҵкыс збахьеит, уара уаҵкыс урҭқәа сры
лаԥшхьеит... МАКЬАНА иҟало уаҩы издырам... Уаамыццакын...
– Ҳаб иашьа иԥа иакәзар, иҵәыуараҵәҟьа ҟаҳам
ҵеит! – даҟәыҵуамызт Рушьни.
– Џьаракыр ӡәыр иуеиҳәама, уи дышьны дахькажьыз дызбеит ҳәа?
– Ателеграмма?
– Уара уанысабиз џьара акы убан, убри иашоу џьу
шьоит, упатҟалеиуа, – иҳәеит Леуа, илыжжуа дахьтәаз.
– Еимактәым, еимашәымкын, – иҳәеит Аџыр, – сара
ауаҩы дыԥсу дыбзоу сзымдыруа дысҵәыуартә скы
дызҟьозеи... Дуҵәыуар – дыԥсит ҳәа угәы урҭынчуеит,
сара сгәы сырҭынчыр сҭахым, еснагь иԥсы ҭаны даауа
шәа сгәы иабалап...
– Уажәы, иаҳҳәап, уаха ҳаикәаӷӷа ачара-ажәра ҳша
хатәоу «уа хәлыбзиақәа» ҳәа даакылсыр УИ? – Рушьни
инеимда-ааимданы аӡәаӡәала днарҿаԥшит.
Зегьы леихаԥсы ицеит. Зегьы митәык идырбалаз
шәа, уи ихәаԥшуа иаанхеит.
– Ус акыр уаҳама?
– Џьаракыр?
– Ухы иҭуҳәаау?!
– Уи шәара изышәҭахузеи... Аха дааир иашәҳәозеи?
– Уаҟәыҵи уара, уажәақәа ҭлапҟаӡа! – уи днаиқәы
ҵәҟьеит Заур, асахҭан ҟаԥшьқәа зҭаршәушәа иҟаз
иӡамҩақәа ааиаҵәахан. – Аԥсцәа, абзацәа... Ҳара аус
ҳалацәажәоит, иара аҽак иман давоуп.
Рушьнигьы ас иахьеилаӡыӡаз игәы иахәаны аҵәы
алаҵан дааччан, имырӷыӷкырц акәхап, инапқәа дыр
ҩахеит «сыҽшәысҭоит» ҳәа аанаго.
Уи еиҳа иааирҭынчит зегьы.
– Уара, ари ихәы игахьеит, ихәы ифахьеит, – иҳәеит
Леуа дажәарҟазо, аԥша аҽарҭынчшәа аниба. – Ҳара
ҳзоуп изиҳәо акәымзар, иара акгьы иҭахӡам, зегьы
имоуп.
– Шәара шәзоуп, шәара шәзоуп, дадраа!
– Сара угәы нсырхарц сҭахымызт, саб... – иҳәеит
Рушьни.
– Уажәшьҭа уаргьы уԥшқам, – иҳәахт Леуа, – уҭаацәа
рахап, ухәыҷы дҟалап, уду – иуҭаххаша рацәахоит...
Заур иакәзар, убригь даарак дманшәаламызт, аха уажә
шьҭа ихы далԥшны дыҟоуп... Иаԥхьаҟатәи ипланқәа
цәгьам. Сара сызлоугьы удыруеит, иахьеи-уахеи калаҭ
хыла аҳәынҭқарра рԥара зымпыҵзыжьуа ауаа сры
лоуп. Уи еиҳа ишәарҭоу абааугои?
– Уи шәарҭамкәа, ишәарҭоуп!..
– Нас уи шшәарҭоу удыруазар, егьи шшәарҭоу удыр
уазар, узҿу закәызеи, ҳхы неилаҳкып... Зегьы ҳара
ҳарҭаху џьушьома, ҳареи ҳареи ҳашьҭибахроуп...
– Зегьы ракәым, ҳазҭахым шырацәоу здыруеит!
– Нас?
– Ишәҳәала, ишәҳәала, сара сӡырҩуеит...
– Уӡырҩла, уӡырҩла...
– Уҟәышхаргьы уздырам!..
Нас Аџыргьы, Леуагьы, Заургьы ҿымҭ иааихәаԥшит.
– Аҳа, сыццакуеит сара, уажәшьҭа ашьаԥахь сыр
ҭаххоит! – иҳәеит Аџыр.
– Сара сусқәа бзиахеит, – иҳәеит Заур дцәыҵыччо, –
амала сзыцәшәо акы ыҟоуп, исцәаргамахеит.
– Ишԥа уара?! – иблақәа аацымцымит Аџыр.
– Ианбыкәу уара уаҩҵас акы аныҟоуҵахьаз! – адә
ныҟала иҿаз аӷәышәқәа агәараҳәа аԥша ианыҩеи
гәыднаҵа, зегьы низеилалан дҩаҵҟьеит Леуа. – Анцәа
иԥижәааите, изакә ԥша мыждоузеи уаха иҵысыз!
– Ишәҭахузеи уара?! – азаара изаазшәа дааҵҟьеит
Заур. – Анс шәҳәа, ас шәҳәа сахьышәԥыржәгаша шәа
шьҭоуп, ара сшәыдхалар ҳәа шәшәоит, хаҵа изымцаз
аҭажә леиԥш. Аха усҵәҟьа смариахом, ижәдыруаз!
– Иара итәы далагахт еиҭа! – инапы ааиҟьеит Аџыр. –
Уара акгьы узмырҽеиуазар, ҳара иҳараӡа ҳәа уасҳәеит,
иуаҳазар! – уи илакҭа баӷьаӡа Заур ианынаиқәшәа,
ихәы-ижьы еиҳа иааиқәтәеит.
– Аҳәаха сышәҭоме нас, – иҳәеит Заур.
– Иҳәеи нас, иухьыз...
– Акымзарак смыхьӡеит! – иблақәа аакамкамит
Заур. – Лара хьаҳәшьа лымам шьҭа. Лхы еилазгаӡеит,
дысҟаҭәеит... Ҳаԥхьаҟа ҳшыҟалаша, иҳанхашьахаша!..
Уик зынӡак лхылԥа аҵыс ҭаԥыруа дҟанаҵеит. Ажәа
кала, дыхиоуп!..
– Изакәызеи дыззыҟоуҵаз? – Леуа дҩаҵҟьан хымаԥсыма днеины аԥенџьыр аартны, аԥша иднажьлоз
адәныҟатәи аӷәышәқәа аиркит.
– Уара ҳаҩнаҟәыкуеит абааԥсы, изакәызеи иҟау
ҵаз? – дааӷьаҵәыӷьаҵәит Рушьни.
– Ашьшьыҳәа убра утәаны уӡырҩлеи, еиҳа иузеи
ӷьхап! Уаргьы аҟамчы увакымкәа зхала акы иаԥсоу
уакәӡам!..
– Лаҳәшьа ҳшеицәажәоз ҳалбеит... Аклуб аҿы... –
иҳәеит Заур. – Дҳашьклаԥшуазу!..
– Ус акәзар, исыҵабгеит уҳәар смаҳаи, аҩсҭаа иҭәа
рхны амца ацреиҵон ҳәа, аус унапала иҟаҵаны унапала ихурбгазаапе!!!
Рушьни, макьана иҟоу ҳәа цқьа изымдыруа, ихы
иқәыжьны дырзыӡырҩуан.
– Мап, уи уажәшьҭа ихыбгом! – иҳәеит Заур.
– Ани Дигәажәгьы иаҳап. Уи ажәа илҭахьеит ҳәа са
ҳахьан...
– Убригь аҵыхәа ԥҵәоуп!
– Ус акәзар, лара рыцҳа макьана илдыруазеи, да
хьурхо дцоит. Иахьа иналҿацәажәаз дитәуп...
– Ма-аап... Гәыбӷан сумҭан!
– Ус ахьы даҩызоуп, дқәыԥшуп, дыԥшӡоуп.
– Сара сыцәгьоума?..
Дигәа ихьӡ анырҳәа нахыс, Рушьни игәы иҵаххны
дӡырҩуан, аха цқьа еиликаанӡа ахалагалара иҭахымызт.
– Уи уара уаҵкыс еицәоу дышицымцо удыруазааит,
– иҳәеит Леуа.
– Дигәа иҩызцәа?..
– Имоукузеи уара Дигәа уаха?! – изымчҳаит Рушьни.
– Аа, исхашҭыз, уии уареи шәеиҩызцәами, аиеи,
аиеи, Аџыни Кәаџыни! – дааччеит Заур.
– Уара хьаас иҟоумҵан... Амала, шәара излашәҳәо
ала, уи аԥҳәызба уажәы хԥарарыла дхухит, аха
хԥарарыла мацара дузынкылару?
– Уара иудыруама сара сгәы иҭоу, бзиа дызбауоу дсымбауоу? Уара урҭқәа ртәы уздыррым, уԥынҵа
шурыцқьо уахнагоит... Саб, абри изыжәуазиз аус
ҳахьалацәажәоз, дцааит наҟ!
– Уаб усҟак ҳаҭыр иқәуҵондаз, ԥҳәыс даазгоит, на
ныкьара ҳәа уидтәалозма!
– Уцәажәашьоузеи, Рушьни, усоума сара шәшы
сааӡаз?! Анкьа акы ыҟан, аха ҳара уажәы ҳаԥхашьоит
ҳәа ҳнеивыс-ааивысуа ҳалагар змаҭәоузеи?! Уаргьы ус
угәы акы анҭоукуа раԥхьа сара исоуҳәароуп... Уи, нас,
ауаа рахь, зегь иҟарҵо ҟаҳҵароуп, ҳәарада!
– Аҳәашьақәа акуп, иҩбоуп!
– Уаҳҟәаҵи уара уаха, ҳгәы кылуҵәеит! – Рушьни
днаиқәцәҟьеит Леуа, нас Заур иахь: – Угәы ишԥаҭоу
уара?
– Сгәы иҭац ҭоуп. Уи лаҳәшьа лтәы аахтны илас
ҳәеит. Ишԥазури?! Ираҳар дахьдырхәырц ишалагоз
здыруан, заа аԥҟьаԥца шьҭысхит. Ирҿалкша лымоуп. Убас лгәы иҵаххны иҟоуп урҭқәа, лаҳәшьеи лареи
анааидысла, лаҳәшьа абиблиотекаҿы дынхеит.
– Аибашьра дәаҿы!
– Ааи, ааи!
– Иара агәықәха сҳәатәы дахыԥарым, – иҳәеит
Аџыр, – иеиҵаҟәаҟәақәа акыр дрылзгақәахьеит. Уаха
ара дыҟами, мшәан, иара?
– Дыҟамкәа, ашьапызаҵә!
– Абхәа изы уеиқәшәоуп, – иҳәеит Леуа дааччан.
– Уи ус дубоит, аха «дсаби ԥшӡоуп» дызшаз ди
сасуп!..
– Ус акәзар – уаха! – иҳәеит Аџыр.
– Уаха ишԥа?! – Заур дахьтәаз дҩаҵыззеит.
– Уаха даагатәуп, иҭыӡшәахаанӡа...
– Ус акәзар, саб, сара усхыҽхәартә сыҟоуп, саргьы
убас сыӡбахьан. Ддәылызгахьеит. Абра иагьыхарацәам
кәа, лымаҭәақәагьы ларгьы џьара деикәаҳәы-еикәаԥ
са дтәоуп!..
Леуаҵәҟьагьы иџьашьаны ихы ааирҵысит. Рушьни
дҳашҳатәарахазшәа, дцәажәар, ицәеи-ижьи абаҩ алаԥ
ҵәаны иахьыҟоу иалакьакьан ихьуазшәа игәы иабон.
Дигәа иоуп, егьырҭ зегь усым, аха... Уажәшьҭа бласгьы ихәаирԥшрызеи?!
Арҭ иара ианимаҳауа, «Рушьни ҳалахь ада ԥызҵәаз»
ҳәа рҳәоит, аха дара роуп иара илахь ада ԥызҵәаҵәҟьаз.
– Ииашоуп, – иҳәеит Леуагьы иҽырҟәышны, –
уажәшьҭа ҳабгьы ҳизхәыцроуп, ҳахгьы. Убригьы абас
днаҳаҵгәо мацара илшарым, ҳара ҳхьасаҟәаӡа ҳантәа,
уажәы ҳазлаҟоу акы ҳалаҟаӡамшәа жәбап. Ауаҩы да
лаҟаӡамзар еиҳа еиӷьуп, далаҟан ицәцар аҵкыс. Убас
ҟан ауп лак аҟара пату аниқәымлогьы. Егьырахь – ала
ҟазаарагь қәԥароуп, шаҟа узықәԥаз ауп...
– Иҭабуп, дадраа, сыҷкәынцәа, унацәақәа иреиӷьу
иреицәоу ҳәа иузеилыхраҳа, шәеилыхны шәызбом...
Зегьы сара стәқәа шәоуп. Сеилышәкаауеит!..
– Амала, уи аҭаҳмада иҵәа еиԥш ҵәа сымбаҵәҟьац,
убра убас ианаалт... – иҳәеит Заур, аҽыҩҳәа Леуагьы
днаиалацәҟәыст. – Ҵәам, аха ихьуп!..
– «...Аха идыруеит анцәа, – иҳәеит Аџыр дааҭгылан
ажәеинраала даԥхьошәа, ибжьы ҩышьҭыхны, – убри
агьама аныжәбо аҽны, ишыхтуа шәара шәыблақәа,
шәарҭгьы анцәа шәышиеиԥшхо, ацәгьеи абзиеи аилкаараз...»
Леуеи Заури еихәаԥшны иааччеит.
– Сара ԥыҭрак адинхаҵаратә школ сҭамзи... –
иҳәеит Аџыр. – Анцәа сихьчеит акәымзар, спапхаргьы
ҟалон.
Уи иԥацәа лаԥшыла иааимидан, иманшәалан лафк
иҳәазшәа дааччеит.
– Иҟалап ус еиӷьызҭгьы... Анхацәа аҟәыд шәфала,
аҿбаара шәыҵаз ҳәа роуҳәаларын, уара аҩны утәаны
акәтыжь уфаларын...
Убри аамҭазы аӡәы ашә дасны, иаавҵраан ихы
аакылирҳәҳәеит.
– Аџыр, зегьы тәаны уара иузыԥшуп! – иҳәеит уи,
ибжь ду ауада ҩнырцәажәаауа.
– Сара сцеит, сцеит, сцеит... Шәаргьы шәҽыншә
мырхакәа уахь шәнеи! – уи днықәгыла-аақәгыло дын
дәылҵит.
– Ҳаб уҳәеит ҳәа, – диашахәҵәаӡа дҩагылан игәыш
ԥы кьакьаӡа дынцәыҵыччеит Заур, – аиқәа ишьоу ахы
аматреиԥш ишыҟоу убоу?! Иацы дыхшәеит, мшәан,
иацы!.. Аҩсҭаа итәарҭа ацәҟьа аԥыреиҳап! – днықәгы
ла-аақәгыло, иаб иныҟәашьа ҟаҵо Леуа днаидгылеит
уи. Уара уазхәыц, иуаркалеиуа, акака кьылак-кьылак
инаӡо, зқьы-ҩнызықь-ҵәа – анцәа идырааит уи абаҳ
ча ду шаҟа аҿало! Уи ҵәам, аха аҩныҵҟа ахьы агәы
лоуп... Аԥарагьы арахь иқьаадуп, аха ихараны ахьы
иахьыԥшыми, уи афҩы ахыми. Убасҵәҟьоуп арагь. Уи
ҵәам, аха ԥсҭазаароуп, бзиабароуп! Ҵәам уи, аха хьуп!..
Лара лакәзар, уаҳа назҭахым... Иуфаша ажьы лықәуп!
Уи хьым, аха уара узы еихатәхоит! – иҳәеит Рушьни.
– Уи закәыхи?
– Уи аҵәа згарҭам, изыхәҭам инапаҿы ианнеилак
еихаӡахоит... Ажьакца иафан иҟоу... Убри азоуп уи аи
хатә ҵәа ҳәагьы изашьҭоу!
– Уи уара уҩызцәа ианрымԥыхьашәалакоуп иан
жьакцахо, сара сеиԥш иҟоу рнапаҿы уи хьхоит!
– Иаабап!
– Ара ҳаҟами… Бзеила, сашьцәа. Идышәныҳәал
шәашьа иахьарнахыстәи иԥсҭазаара, ибзиабара ду!
– днықәгыла-аақәгыло Аџыр иныҟәашьа ҟаҵо дын
дәылҵны дцеит Заур.
– Абар, шәара зегьы шәгәы ҿызкааз уи абзиабара
закәу... – иҳәеит Рушьни.
Уи бырзен-нцәаԥҳәыс Афродита иблахкыгаз лыԥ
шӡараз илеиӷьаршьеит аҵәа ҟаԥшь, аҵәа ссир. Афродита – адунеи иқәыршааз аԥшӡара нцәас иамазгьы
– илыгымзаап ацәыхцәыфара. Лҵәа цасҳәа идлырбеит егьырҭ анцәа-ҳәсақәа. «Ари збаз ҳара ҳаума, уи
ҳара дышԥаҳалыркааи, ҳара ҳзеицәадаз?!» – рҳәан
еилаҩынтит рхацәақәа-анцәақәа еиҿарыжьит. Еибашьрахеит. Абас ажәҩан ҳаракгьы иагымзаап адгьыл
ҟьыҵәыра иқәу ауаа рыгра бааԥсқәа…
Аԥша еиҭаӷәӷәахан, аца-ҵла ахьеилнахуаз аӷәышә
қәагьы абжьы рзынкыломызт. Леуа иқьышә дацҳауа
лаӡара имамкәа дтәан.
– Абри Заур дышсашьоугьы, – иҳәеит Рушьни даал
ҟьан, – сиеигӡомызт, сиеигӡомызт, инеигәыдҵан дысшьуан!
– Ишԥа уара?! – ицқьамкәа дааччеит Леуа.
– Алажә еиԥш... Аԥш ахьафо азы иршьуа алажә еиԥш!
Леуа дҩаҵҟьан, инапы рҟьаҟьан Рушьни апҟаца
ааиҿиргеит. Уи инапы ахьақәшәаз, ахәац иадрызшәа
иҟаԥшьшьӡа, еилыбзаауа иааҟалеит. Рушьни дымҵыс
ӡеит. Аха убас иԥшышьа ыҟан... Леуагь даанаскьеит.
– Уара дахьуеиҳабу мацарагь азымхои, ишԥоугәаӷь
ӡеи абри аҩыза изҳәара, уламысдахама зынӡаск?! – аԥ
ҟьаԥца шьҭыхны далагеит Леуа. – Ушлеи-шлеиуа ҳаб
иҿынӡагьы унаӡар ҟалап уара избо!
– Зегь шәеиԥшуп, сабгьы шәаргьы, слымҳа саркьада
избараҳа анцәа шәсимырбааит! – иҳәеит Рушьни.
– Иара адунеи иқәу зегь реиҳа дҟәышуп, адунеи
иқәу зегь реиҳа еилицоит... Ус ргәы иаанагоит аԥын
ҵамрыцқьацәа зегьы, аха нас акы еиԥшхан, машьынакгьы рыҵҳәан иандәықәлалак, уаҩ дрыхәаӡом!
– Зегь реиҳа адырра акәым аус злоу... Зегь реиҳа
здыруа уаҩ дыҟаӡам, аха аламыс ауп иаҭаху... Маҷк
иадамзаргьы уи зыԥсоузеи!.. – иҳәеит Рушьни.
– Аламыс, ацқьара! – дыҳәҳәар дзымыҳәҳәо, дыкшар
дзымыкшо, игәахы еиҟәыҷҷо иашьа дихәаԥшуан Леуа.
– Макьана ран лкыкахш рҿыжжы «аламыс» ҳәа игы
лоуп икәаӷ-кәаӷӡа. Ижәдыруазеи, ижәбахьоузеи шәа
ра ацәарӡгақәа?! Сара сызҭагылақәоу, исхызгақәаз ус
наԥшыхақә иубазшәа уҟандаз... Усҟан иубарын аҷкәын
цәаҭачшәа иҟоу!!!
...Иагьиеиҳәеит Каин Авель, иара иашьа: ҳцап адәы
ашҟа ҳәа. Адәаҿы ианнеи, дизыҵҟьеит Каин Авель,
иара иашьа, дагьишьит уи.
Рушьни уаҳа уи илаҿымҭкәа дҩагылт. Ашә ҟьаҟьа
ӡа иаартны наҟ еиҭадижьларц иҭахын, аха аԥша инам
ҭеит. Ачарауаа ршыкьыбжь алыхәхәа ауада иааҩна
ҳаит аԥша абжьы. Леуа ахагара изаазшәа дҩаҵҟьан,
ашә ааникылан, ишимчыз иҩыдыжьлан иаиркит.
Дааины астол ихы нықәыжьны дахьынатәаз, адә
ныҟа иаапкны иқәыз аԥша, аҩны аҭӡамцқәа кыдыр
ӡыӡаауа абжьы дагәаӡа илымҳа аҟынӡа иааӡон.
Ачарауаа рыбжьы уаҳа иааҩуамызт.
IV
Еибашьрак аҿы ӷәӷәала ирхәит ҩыџьа аишьцәа, ҩыџьа
афырхацәа, ҩыџьа адауаԥшьқәа. Аҽысакаса рзыҟаҵа
ны, руапақәа ирылаҳәаны, амра аҭашәамҭаз рашҭа
иааҭаргалт.
Аамҭа абаҟаз, аҷаԥшьацәа абаҟаз, еибашьран. Аҟа
заареи аҟамзаареи ҳәа азҵаара ықәгылан. Аишьцәа еи-х
ык-еиҵыкны инышьҭаҵан, иаазгаз нархибаҳәа ицеит.
Ран днеины рыгәҭа днатәеит.
– Ҳан, ахымаа!..
Иааӷызит игәаҟуаз лԥацәа.
Ран днеины ахымаа аашьҭылхын, дырҩегьых лҭыԥаҿ
днатәеит.
«Ахрашәа!..»
«Ахрашәа!..»
Ахымаа арахәыцқәа иҵәиҵәиуа инархысит уи ашәа. Ан
уи иақәылҳәон ахра иагаз иашәа… Ахра ду, ахра цыӷьцыӷь
иархынҳәырц қәыԥсычҳарак еиԥшны, иҵаӷаӡа иблаҟьо уа
икыдхалаз ашәарыцаҩ иԥсы… Даҳәон, дашьапкуан, ажә
ҩан иаларсу, аҭыԥҳацқьа леиԥш зыхәда ҵҟәашааӡа игылоу
ахра, хаҳә хәыҷык еиԥш дамҵаршәушәа.
Лыҷкәынцәа – ҩыџьа адауаԥшьқәа, ҩыџьа аибашь
цәа рыӷӷаны иахьықәыз игәаҟуан, игәаҟуан. Ашәабжь гон.
Иҵәиҵәиуан ахымаа арахәыцқәа ақәасаб адақәа рҩаны
ирылхыз ахымаа арахәыцқәа. Иҟәаҟәаса иҟаз аишьцәа
рдақәа урҭ ирыԥсахырц, еиԥыршьырц рҭахызшәа.
Ус, ахымаа арахәыцқәа ауаҩ иеиԥш иныҩнаҵәаан,
адыхҳәа руакы рылаԥҵәазшәа иаангылт, ангьы дааиҵа
қьын лыбжьы налыхәлашәеит.
– Аа, сан!.. – иҳәеит ларӷьарахь игәаҟуаз лԥа. – Сан,
баҟәымҵын, иарҳәала, иарҳәала, иарҳәала…
Аха иабаҟаз – ан лармарахь игәаҟуаз лԥа дыԥсит. Уи
деиқәктәын. Лнапала иблақәа хылҩар акәын.
– Аа, сан, сан! – дӷьаҵәыӷьаҵәуан егьи.
Ан дналагеит ахымаа арҳәара. Ахра ду даҳәон, даҳәон.
Ақәасаб адақәа ирылхыз рыбжьы арахәыцқәа ауаҩы игәы
иҭалан иҭысуан. Ан ашәа лҳәон, даҳәон, даматанеиуан
ахра ду. Лылаӷырӡқәа, ахра дуқәа ршьапқәа рҿы еилало
арҩашқәа реиԥш, еималан ицон, ицон, ицон…
Иҟьаҟьаӡа ианаашоз, егьыгь иԥсы ихыҵит. Ан лхымаа
нықәҵаны дҩагылан, лнапала иблақәа аахылҩан, дааи
қәылкит лыҷкәын. Егьи иҿгьы днеины даалырҽеин, еим
даны рылахьқәа днарыгәӡит. Ҩыџьа аибашьцәа, ҩыџьа
адауаԥшьқәа. Ан лзыҳәа иахьа уажәраанӡа урҭ хәыҷқәан,
аха иахьа ирызҳаит, иарԥарцәахеит… Рыԥсадгьыл рыԥ
сы ақәырҵан, ихәхәа-хәхәаӡа абра еивоуп.
Ашә аалыртын, адәахьы дындәылҵит. Нахьхьи дан
ԥшы, иаха дзыҳәоз ахра аҩызак днаҿаԥшит. Уи ақәцәа
иҟәашкакараӡа анаҟәоу ықәжьын. Иаха уи илнамҭаз
лыҷкәынцәа рыԥсы уахь иханагалазшәа лгәы илнаҭеит
ан, аӡиасқәа рыԥсы ҭазҵо, ԥсра рықәӡамкәа иҟазҵо
наҟәоуны. Уи уажәшьҭарнахыс лыԥсы рыҿҳәараз ана
ҟәоуқәа. Уаанӡа дрызҩагашам иажәыз, агәаҟра збаҩ
лаша ҭнарҩааз лшьамхқәа, лнапы налзықәшьышам ихь
шәашәаӡа уа иқәжьу анаҟәоуқәа ргәы…
Уажәы, лыбла ишабоз амра ҟаԥшьшьӡа иҩагылан, иш
ны иҟаз алахь урҭ анаҟәоуқәа ирыдкылан иарыхьуан…
Харантәи иааҩуан «Аиааирашәа».
Хәы шԥарымаӡам аиааира ашәақәа…Аӡәы ихьӡ ҳәаны ҿиҭызшәа дҿыхеит Басиаҭ. Даара
дхәарҭамызт.
– Ҳаи, анаџьалбеит…
Ауадаҿ илашьцан, иблақәа хту ихтыму цқьа издыра
мызт. Ишьапқәа аҵаа еиԥш ихьшәашәан. Нас уантәи
уи ахьшәашәара ирҳәарах аҟынӡа иҩаӡошәа ибон.
Ирԥҳақәа алуқәа ирыбжьигозшәа акәын иԥсеивга
ра шицәыхьанҭаз. Иҟәартәрақәа зегьы ихьуан, убри
ахьаагьы иӷрахьы иҩаӡаны иҭагьежьуан, нас игәы
аҟынӡагьы инеины иҿнакаауан.
– Ҳаи, анаџьалбеит...
Аҵаа иакыз алу еиԥш иҽмырҵысыкәа диан. Быжь
рабыжьҵәантә иҵыҵуашәа илымҳа аҟынӡа инаӡон
аԥша абжьы.
Иара илымҳақәа ԥыҭк ишрыгхахьазгьы, абжьы ас
иааҩуазҭгьы, аԥша ӷәӷәан.
Акраамҭа ус диан. Дагьԥсымкәа, дагьбзамкәа. Игәа
ҟәышра иагмызт, аха еиҳа-еиҳа ихьанҭахон ирԥҳақәа
зыбжьахоз урҭ «алуқәа». Мҳаҵәк азна аҳауа иқьышә
инықәшьны инеиқәаҳауан.
– Ҳаи, анаџьалбеит, аҳауа ду икажьугьы...
Лашьцан, лашьцан.
Ахышә аԥша иднажьлазар акәхап.
Ус, аҭӡамцқәа еимнаршәшәап уҳәартә аԥша аб
жьы иаҳаит. Акрызхыҵуаз, аӷәтәы ҩны аахыџхыџит,
«аҟәартәрақәа» аҿҿа аарылгеит.
Аҩны. Уи злыху, анкьа зны зшьапқәа ирықәҟьҟьа
иларышьҭыз аџь-шьап дуқәа, ахьақәа, уажәы иҩахьоу,
иԥсхьоу... Уаха шаанӡа ахәарш зыӷралан иҭырфаауа...
Мышкымзар-мышкы ашылеиԥш ихәашхәаша ицашт.
Аха аҩнқәа рҭахара шамаха уаҩы изгәаҭаӡом, мамзар
гьы ирласны ирхашҭуеит, иргәалашәаӡом...
Аҽазнык аԥша амч зегьы еизыркәкәаны аҩны иан
надсыла, ахышә аартны аӷьеҩҳәа иныднажьылеит.
Басиаҭ дымҵысӡо дахьықәыз аԥша неиҿасит. Ила
цәақәа аарԥсаҳәеит. Ирԥҳақәа зыбжьахаз «алуқәагьы»
еиҳа иааласхеит.
Басиаҭ иԥсеивгара еиҳа-еиҳа имариахон, аха
иҟәартәрақәа, ихәарҽхахьаз иҟәартәрақәа еиҳа-еиҳа
ихьаауан. Уи ахьаа ҩаскьаны иӷрагьежьуан. Нас, мцабз
зхылымҵӡо, ицәоушәа-ицәамшәа ауаџьаҟ иҭоу аԥырӷду еиԥш, изҭаз игәы ҿнакаахуан.
Адгьыл дугьы џьара хьаак амазар акәхап, ала-аҿы
ҭакәаҳа, аԥша-даас ахылҟьо изықәу. 500 миллиард
шықәса инарықәгәыӷуа изхыҵуа уи «аҟәартәрақәа»
егьа рхьаа цәгьоуп. Аха ес-уажәааны акәхап ас ажә
ҩан аԥшшәы ахаҳан еиқәыхьшәашәа ианахагылоу…
Амзақәа, аҩар зҭатәаз аҽышьҭеиԥш, ажәҩан ԥыҭ
рак инанхалан, нас иныбжьаӡ ианцо, амзаҭахамҭақәа рзы…
Ес-уажәааны адгьыл иқәгылоу ашәаԥыџьаԥ риа
ҵәара ԥсуеит, ибӷьыжәхоит.
…Аха иаауеит ааԥын, ааԥын аауеит… Ашәаӡы
ӡареиԥш ахьаа зыӷралаз адгьыл иалнахуеит убри еиԥш
ахәшә-бааӡатәқәа, абасҟак зхызгахьоу «аҟәартәрақәа»,
иара ианылахьоу ахәрақәа зегьы леимашьшьы иар
ӷьоит. Адгьыл еиҭаҷкәынхоит. Аԥсҭазаара аҩы еиԥш
ишуа ацәеижьи иналалоит. Ибзарыбзаруа аҽыхна
ҟьоит адгьыл. Иԥшқаӡа, итатаӡа, ииаҵәаӡа иқәиаа
уеит ашьац, рбыӷьқәа џьаџьа-џьаџьаӡа инарықәҳауеит
кәрыжәаа ирықәлоу аџь еихаҩаӡа дуқәагьы…
Адгьыл ду ахьаа ибаҩқәа ирылалазшәа, дхьаа ма
цараха дышьҭан Басиаҭ.
Аԥша еиҳа-еиҳа аҽарӷәӷәон. Зны-зынла аҩны ахаҩа
ахнахӡома угәахәыртә иааҭҟьон, нас, еиҭааиқәтәахуан.
Имзаҭахамҭан.
Басиаҭ дӡырҩуа, дӡырҩуа мацара, аԥша абжьы еиҳа
еилыкка иаҳауа далагеит. Раԥхьа еилиргеит иҩнаш
ҭа иҭагылаз аҵлақәа рышьҭыбжь. Басиаҭ идыруеит
урҭ аҵлақәа акакала «рцәажәашьа». Урҭ ҟәызгаӡа,
ихырсысуа ишгылоу аԥша анааҵыслак, зегьы рыг-рҿа
ҳәон, мыцхәы ишәаны, ма игәырӷьаны ицәажәаз аҿаҳа
иеиԥш.
Абжьы ҭахәаҽ рзаа-рзаа игон агәашә илагылаз
аҳа-ҵла ду. Уи қәыԥсҳан. Иҿалоз ашәыр заа иҟаланы
ииасуан. Аха абжьааԥынгьы, ҭагалан нықәҵны ицаан
ӡа, абӷьы иаҵәаӡа ус иақәжьын. Уи егьыҵла дун. Басиаҭ
ишиҳәалоз еиԥш, арԥысымҭа, аӷәӷәамҭа иҭагылан.
Уеизгьы, амахә рацәеи абӷьы жәпеи аԥша анрылачлак,
даара аџьа абон.
Аҳандақь иаваӷӷа, ахәада ҭаԥҵәахьы иҩагаз аҷан
дар хаҩаӡарақәа аԥша ахьрысуаз, рымахә акалам
реиԥш ахьхьаҳәа еидыслон. Ашьжьымҭан урҭ кеикеи
уа, бӷьыцк рҿаршәымкәа, рыҽрыцқьан ишгылоу иба
лон Басиаҭ.
Абӷьаӡеи аӡахәеи ирыҵақь ашҭа иқәгылаз амжәа
қәа рыбжьы изеилыргомызт уажәы, аха урҭ аԥша
анрыслак, еснагь аҟанҷкәа рзы икарҿалоз аҟата, еи
лажәжәа ишырхагылоу ибалон.
Абар, иаҳауеит дырҩегьых аҿҿаҳәа акы абжьы.
Идырт. Уи аҩны ашьҭахь, ахҵысҭа уахьынхшәо игы
лоу алакациақәа роуп. Урҭ руакы иҵегь ианҟатаз,
ишшәырӡа аҩызцәа ирхыҳәҳәо игылан. Зны, уахеиԥш
ԥша ӷәӷәак ааҭҟьан, егьырҭ иахьынархыҳәҳәозҵә
ҟьа иласын, зынӡа иазхымжәакәа, ихырҟәыҿшәа аԥ
хьаҵәҟьа игылаз аҩыза аимҿаԥара иҩыбжьанажьт.
Иҟатамзи, иахьытҟәацыз хӷьаа-ҿӷьаашәа иҟалан, махә
ҟатақәакгьы ҩылнагеит, аха уеизгьы уаҳа аҽазышь
ҭымхит. Цәарҭала изхызгаз ахәыҷы чмазаҩ иеиԥш, уа
иахьыбжьажьыз иазҳауашәа иаҿын.
Абас ԥшак анасуаз, уи зыбжьажьыз аимҿаԥара
иҭаргьежьуа иама иаақәлон.
Абар, абжьы ахьго уажәыгь, иқьуа-иӷызуа, аҿҿа ахга,
уажә ҿыц ахжәара иаҿушәа. Зны-зынлагьы, ззарза
қәа жьакцахьоу ашә анаадыртуеиԥш, ҷыжь-ҷыжьҳәа
абжьы еиҵыхәхәа акраамҭа игоит.
Изқәыжьугьы иақәжьугьы аԥша иахьеихьнашьуа,
аҩбагьы ҭыфаа-ҭыфаан, рыхәрақәа ҿыцхоит. «Ҿыжҿыж», «ҷыжь-ҷыжь» ҳәа аҵх ашьал ҵаӷа ԥыржәоит.
Убри иахьытҟәацызҵәҟьа наҟ иԥҟазар… Рыҩбагь
наҟ рыԥсы ргарын…
Ус, дшыӡырҩуаз илымҳаҟынӡа иааӡеит зегь реиҳа
бзиа иибоз ашьҭыбжь. Иҵәақәа рышьҭыбжь. Урҭ
ахьынӡаҟоу имахәажә-шьахәажәны иҟоуп, аԥша иа
хьаҭаху иазырхом. «У-у-у-у» ҳәа инеиԥынкылан акы
рҳәоит, гәырӷәӷәагас ашәак аацәырыргарашәа.
Урҭ рыбжьы раҳаҭра хәыҷык изаанагеит Басиаҭ.
Инапала зыԥсы ҭеиҵаз, ииааӡаз урҭ ақьиақәа, дзыҩ
наиоу аҩны иакәшан, ихьаа хыжьжьарц, азы ахәрашәа
изырҳәарашәа игәы ҟалеит.
Аԥша аҭҟьамҭаз аказарма иахагылаз аҵәақәа руакы
иҿышәшәаны, аӷьеҩ-аӷьеҩҳәа аҟауар иҩықәпыҟҟеит.
Аԥшагьы аламала иазҟәыбомызт, аха анапы рыг
хазар акәхап… Уажәшьҭа иҿахаз аҵәа рыцҳауп… Сын
тәа иҭаазма урҭ?! Адурақәа-адурақәа роуп…
Аԥша ҿааихак ҟанаҵом. Ицәҩежьӡа аҵлақәа ирықәу
амза лашара зны иацҵҟьоит, зны зымҩакы еизнаҳә
ҳәоит. Аԥша аҽаԥсахцыԥхьаӡа аҵлақәагьы «рцәажәа
шьҭыбжь» рыԥсахуеит.
Басиаҭ илымҳа иахьынӡалнадоз аԥшеи ашәаԥы
џьаԥи «реицәажәабжь» мацара акәӡан игоз. Аԥша ас
уан, иасуан, иасуан…
Ԥыҭрак ашьҭахь уи еиҳа еихсыӷьт, ашәаԥыџьаԥи
иареи реицәажәара дырмаӡеит.
Амзагь ҭахоит уажәшьҭа дук мырҵыкәа. Ианааи
лахәагьы асы ауеит.
Мҿы-мцаҳәа акы идгалан дыҟаӡам Басиаҭ сынтәак.
Сынтәак зегьы изеилалт… Ачымазарагь ихьӡеит.
Ижьқәа рыбжа ус иҿыттеит. Иҵәақәа ракәзар – ус…
Ҵыԥх ҵыԥхцәа дышгылаз ииҟәыбоз араҿарақәа ду
хеит, адунеи иазнахан, иахьцара рыздырам. Ҵаҟа
зхала иҿшәаз акы аашьҭимхызар, урҭ зынӡа рыԥхь
рымбаӡеит.
Арыԥхьҵәҟьа уаҩҵас иҟоу измырхиеит. Жәаха акәа
ра дырны дахьыҩкыдлаз, ҿыбгарак аҿы раса ҟатақәак
ибеит, аха изакә рыԥхьқәоузеи ирылоу…
Руакы убасҟак идууп, ҵаҟа ушгылоу мацара ишаа
нагара иҟоу рак уҟәыбоит. Егьи еиҳа икьаҿуп, аха ара
уанықәла, убас иҟоу акьаҿ укымзар, амахәқәа акы аау
дырҟаҵом.
Рцәақәа рхырҵәрааны иаарԥшшазар, жәашықәсагь
ургоит. Ԥҵәара рықәӡам, избанзар аҩбагьы ҵаҟаҵәҟьа
ишьҭиааит. Ус иҟоу арасыкәыгә адац иқәиааӡом, иҿ
шәаны инкашәаз араса-рыц иахылҵуеит. Иара ахатәы
дац-ԥашә ҟанаҵоит.
Адац иқәиаауа, ҳәарада, акаҿарах аҵкыс еиӷьуп,
еиҳа итаруеит, акаҿарахеиԥш ихыдды ицаӡом, аха уи
ҵаҟаҵәҟьа ишьҭиаауа абжа азычҳауам.
Урҭ арыԥхьқәа уажәыгь уа иаҿагылоуп. Ианибазҵә
ҟьагьы ҵаҟа днеин днаҵаԥш-ҩаҵаԥшқәеит, аха уахь
дышзымыхәноз аниба, игәы хьаблаауа длахынҳәны
дцеит.
Басиаҭ ахәыцра данаалшәоз, ихы дахыччон.
Аҩсҭаа дышԥаихыччо, анаџьалбеит…
Аха уи дыҟанаҵ иџьабаа иџьабаан, иџьабааи иԥсҭа
заареи еицҭашәар акәын, уаҳа иҟаломызт…
Аҽа ԥыҭрак анҵы, Басиаҭ ихьаақәа еиҳа ихыда
хазшәа ибеит. Убасҟан даара иҭаххеит иԥа ипатреҭ
днахәаԥшыр, аха иабаҟоу.
Ацуҭа зегьы лашарада инрыжьт. Иахьа иҟаҳҵоит
ҳәа ианалагагьы иамуит...
Адәныҟа аԥша ааҟәымҵӡакәа иасуан.
– Ее, анаџьалбеит, изакәытә мчызиз иамаз шәақьк
акылхәыхәра инҭҟьаз ахызаҵә...
Ауаҩы дани, аҷкәынра шибаз еиԥш арԥысрагьы
ибароуп, ажәрагьы дахьӡароуп, иара ихылҵыз ибазар,
уаҳа иамургьы, дара ирхылҵызгьы ма ибароуп... Уи
ажәҩан иаԥнаҵеит, аԥсҭазаара иаԥнаҵеит... Изакә
гәнаҳаузеи иҟало урҭ анеиларгалак...
Ианакәызаалак иара дахьнанамгац адгьыл хараҿы,
иԥа дзыцәнымхарц илҟьаз ахьаацәгьа, дунеик иахыс
ны абраанӡа иааӡеит. Иаб игәаҟынӡа...
– Ишԥашҳамыз уи, анаџьалбеит!
Ес-ҭагалан абаҳча иҿало ашәыр, абӷьыжә икаԥсо
иацкаԥсоит, анапы ахьрыгу азы.
Ажәҩан акы анааҿыҵшәа, иԥа изку лаӷырӡушәа,
икылнаблаауеит аҩнқәа рхыб...
Иҵегь ишьамхы дақәгәыӷуа даныҟаз дықәлон,
иқәиршәқәон, аха уажәшьҭа убригь ахәом. Амш аны
бааԥсӡахалак, аҽҳәа анарцәаакуа ыҟоуп...
– Ишԥашҳамыз...
Ишьҭа адунеи ианнахит. Асынтәи игоуп иҭӷәыхаа,
усынтәи арахь иаагам.
– Аа, анаџьалбеит, анаџьалбеит...
Уажәшьҭа ихи иԥаҵеи ааилашыҩкуа аҟынӡа дҟалон.
Аха иагьа иундазгьы изхаҵом, жәымҭацәгьа. Убас
ҟак дыҷкәынан уи арра данцоз...
Ишәарҭан, ицәгьан, аха згәы иаанагодаз ас ам
ҟәыл изыҟалоит ҳәа. Ауаҩы мыжда гәыӷрала деи
баркыми...
Иашоуп, ашьҭахьгьы знык дибеит… Дибеит ахьӡуп,
аха ихәаԥшыха имаӡаӡеит…
Басиаҭ иԥсы ицәырацәахон. Аԥша еиҳа-еиҳа иӷә
ӷәахон дырҩегьых. Уажәы еиҳагьы еилыкка уи илымҳа
аҟынӡа иааҩуан алакациақәа рқьыбжьы.
– Дад, – иҳәахт Басиаҭ даақьын, – иуҭаху сызу, иу
ҭаху сызҳәа, уда дызмам уаб хлаҳәацәгьа, убасҟан сум
бар еиҳа еиӷьын!..
Еиӷьын, еиӷьын, еиӷьын…
Еиӷьын дмааӡар, иԥси-иԥси еихьымӡо, агәырӷьаҿ
ҳәашеиԥш саарызкылсып ҳәа амӡырха даақәымлар…
– Жәымҭацәгьа сара, уӡбахә шысзымдырӡозгьы,
ауха сцәа акы алашәан сыҟан. Акраамҭа сзыцәомызт,
сбарџьеиуан.
Уи аухагьы ахышә дахькылԥшуаз ажәҩан агәы
зегьы ҭаҳаҳан, амза аҽыкәаҳа ҩежьӡа иакәыршан. Уи
ауадыхә ҩежь ду еиднарӷәӷәалазшәа, амза иацәыхара
шәа еиҵәақәакгьы кылԥшуан… Урҭгьы ҩежь-ҩежьӡа.
Ала ашҭа агәҭаны итәаны абни амза ахы ақәкны ауу
ра иалагеит. Игәырмаҷгаха игон уи абжьы. Аха агылара
дацәԥсуан. Акәаса еиԥш дхьанҭаха ииарҭа дылан.
Иаргьы, игәы бжьысны аҽыкәаҳа иагәыларшәыз
амза дшахәаԥшуаз, инеихашәы ихәлаанӡа анышә иа
хоз ауаҩы ааԥса дыцәеит. Аха аҵх даара инеигәахьа
ны, уахеиԥш, аӡә ихьӡ ҳәаны ҿиҭызшәа дааԥшын,
ашырҳәа дҩықәтәеит.
Хыма-ԥсыма иҽааилаиҳәан дындәылҵит… Ишԥа
ҭынчраз зылԥха ҳаура, ишԥаҭынчраз! Бӷьыц ҿҩаак,
ԥша шәшәык ахьасуаз, ихәархәаруа илымҳа ҵнахуан.
Ашҭа агәҭаны дгылан ИАРА... Иԥазаҵә, ихәшәыц
заҵәы, Арушьан! Аибашьра ашымҭаз, амца иаларшәыз,
ԥшьымыз раахыс зхабарҳәа акгьы изымдыруаз!
АҼАӠӘГЬЫ дибеит уи… Илабақәа иҽрынҵо агәашә
дахьынҭыҵыз даавагьежьын, аҵх ҩежь дналахәаша
дцеит.
ИАРАЗНАК ИДЫРТ ИҞАЛАЗ ЗЕГЬЫ!
Аԥсра дақәгәыӷуан акәымзар, иҭаца ус длықәгәы
ӷуамызт…
Иаразнак ишьапқәа неиҵҟаан, убасҟан игәы ахьын
ҭаҳаз инхеит.
Уахь иҿынеихеит. Аҽыкәаҳа иагәыларшәыз амза
лашара ҩежьӡа дҳашҳатәарахазшәа дахьгылаз Ару
шьан даақәацеит. Басиаҭ илаӷырӡқәа адунеи зегьы
ршәаҳаит, акгьы имбо. Иҽынеигәыдижьлеит.
Рнапқәа ааикәдыршеит. Арушьан инапқәа изным
кылакәа иҵысҵысуан. Иҵегь иҽанигәыдирӷәӷәала
ауп иангәеиҭа, уи иоуразоуроу ицәеижь мацара акәым,
ҟәартәрас имаз зегьы ҭышәшәарашәа дшықыџьқы
џьуаз.
Аԥхӡы фҩы злачны иҟаз иԥа ишьнел ҩаза, ахәыԥш
қа-цәа еиԥш акәын иӡамҩа адҵан дышгылаз…
Ишиазҵаатәыҵәҟьаз ихашҭит… Уаашьоузеи егьи ҳәа.
– Сыхәны сышьҭан. Сангыла, мчыбжьык соурышь
ҭит, сыӷәӷәахаанӡа… – иҳәеит Арушьан.
– Ҳаи, дад, сажәымҭа шԥауршкәакәеи, ҳаи, дад!
Уажәшьҭатәи сыԥсра ԥсроума… Сажәымҭа шԥоурш
кәакәеи!
– Саб…
– Дад, иубахьоу сакәӡам сара. Уажәы уара уҿы аҽыр
бара сзалагом. Уахгьы-ҽынгьы сышузхәыцуаз сааԥ
сеит, сгәашахеит…
– Усҟак ушԥахәыцуеи!.. Хаҵа дызнымио акгьы
ыҟаӡам. Ҳалаӡароуп!
– Шаҟа иурмариоузеи, дад, Арушьан… Анцәа им
ҭоуп, сразҟы зынӡа имцацзаап!..
– Ҳара ҳхала ҳаума, зегьы рҵеицәа убра амца иала
гылоуп… Изакәы шьоузеи, изакәы рыцҳароузеи адгьыл
иалаӡо! Ауаҩыҵәҟьа илаӡо уҳәар…
– Шьашькәа, Шьашькәа! Бгыл, бгыл, иааз дыббома,
иааз!
Уи даадәылҵит агагеиԥш… Амаҵурҭа аҟынтәи.
Ашәхымс дахьаахыҵыз дуауаӡа уа даанхеит…
Ауха, иара дшеилаҳәаз ииарҭа дахьнықәтәаз, уаҳа
лацәааихьшь ҟаимҵеит. Шаанӡа ҭынчран, ҭынчран,
ҭынчран. Ауха шаанӡа ахышә илаԥшуан амза, ажәҩан
агәы ҭаҳаҳан аҽыкәаҳа зкәыршаз.
– Анаџьалбеит, анаџьалбеит…
Ашаха амҭакәа данындәылҵ, аҩны истребитель
ныи батальон ҳәа изышьҭаз акәшаны иҟан. Шьоукы
наскьа аҵәақәа ирымҵагылан, аҵәа перақәа ҿыхны
ицәаҳаҳан ашҭа иқәрыԥсон. Шьоукых ашә уахьаахыҵуа
ршәақьқәа цырцыруа игылан.
Арушьангьы ддәылҵын иҿааихеит. Убригь иҽеи
лимхӡеит ауха. Ибон даара ишигыз, иԥсахаара иқьышә
иқәкны дшыҟаз, аха цқьа ихәаԥшыха зауада?!
Узынҟьаз аҵкыс узынԥаз ҳәа!
Урҭ рыбжаҩык Арушьан иидыруаз, дхәыҷны даагы
лазаргь аус ицызуаз ракәын. Аха уажәы ахаангьы имбаӡа
цызшәа, изымдырӡошәа акәын дышрыхәаԥшуаз. Иаба
цеи, иабеицәыӡи итатара! Ахаҳә еиԥш дышәны дгылан.
Иџьыба дынҭалан идокументқәа ааҭыхны ина
рымҵеикит.
– Агәра жәгама, сара сыбналаны сшымааз?!
– Ус згәы иаанагодаз, аха…
– Иаажәг арахь!
Идокументқәа рымхны иџьыба инҭеиҵан, уаҳа
дрыламцәажәаӡакәа даахынҳәит.
Уи ЗЫМШАЛА иҟалаз аҩыџьагьы дырдыруан…
– Еиӷьын, дад, убасҟан зынӡа умааӡар! Еиӷьын, еи
ӷьын убасҟан уҽаабжьаршәны умаар, иахьагьы уеибгаузҩыда ара усымазаарын… Сара, жәымҭацәгьа, сара!..
Хымш ииулак аҩны иҽникылт уи. Иҩашьомызт уа
ҳа акгьы имбарц, илацәа хҩаны дықәҵырц шиҭахыз.
Аха хымш ичҳаит.
Уаҵәы дцараны иахьеиԥш, Басиаҭ ихы алахигарц
абаҳча дахьынҭалаз, Арушьан дааидгылт. Инапы наг
ӡаны иҟаланы иҿаз ҵәак ааҿихын, еилыԥха-еилыԥхо
иахьикыз, ҿыцбарах ибаны ԥыҭрак дахәаԥшуан.
– Уԥшыр, адгьыл иқәыӷӷа аҵлақәа гылоуп. Шьоукы
бӷьымзар акгьы рҿалаӡом, уимоу егьышәҭуам. Ари
аҭыԥҳацқьа леиԥш иахьгылоу иубоит изакә ссиру иах
шо… Уарма иакызар, уарӷьа иауркрым. Изабалак рха
ԥыцқәа ҩалыршьшьны иацҳауеит, изабалак…
– Иреиӷьқәоу-реиӷьқәоу ԥыҭк узҿысхит, уанцо
иугарц...
Иара аҽны дышҵәыуара дыҟан, иара жәымҭацәгьа.
– Сара сымҩа даара ихароуп... Иҟәаҟәап, ибаап,
иназгаанӡа.
– Уи уара уацәымшәан, – иҳәеит Басиаҭ аҵәа ашьапы
акы адибалазшәа дааҟәымҵӡакәа дахәаԥшуа, – амахә
ырхәан иааҿухызшәа ухьаҭра иааҭугоит. Аламала акы
зыхьуа ҵәаӡам ари.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҽыкәаҳа - 19
- Büleklär
- Аҽыкәаҳа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3661Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3688Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3644Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3664Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3657Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3617Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3674Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3732Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3708Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3715Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3632Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3748Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3786Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3716Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3638Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3621Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3686Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3072Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.