Latin

Аҽыкәаҳа - 16

Süzlärneñ gomumi sanı 3642
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2423
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
– Аӡы дашьит, дашьит! – аҳәсақәа руаӡәы днасз­
ыҭры­сит. Саргьы аӡы сашьуашәа.
Егьи, акгьы лызмырҽеиуашәа анылба, лыҩнапык­
гьы лыхцәы иналалкын, дахон, дыҳәҳәон.
– Иаба?!
– Абан, абан!
Ииашаҵәҟьан, такәы инахараны хысла-гәысла еилаз ацәқәырԥақәа знык-ҩынтә иаарылызбааит ауа­ҩы
ихы, нас иӡт.
Ашырҳәа сҿынасхеит.
– Уаргьы уашьуеит!.. Иулшозеи, ауаҩыбжа! – днасы­
қәыҳәҳәеит зхахәы ыҵызхуаз аԥҳәыс, – уи аҵ­кыс уцаны аӡәы иаҳәа, изылшаша.
Ианбагьыгәалҭеи сышуаҩыбжаз, дагьанбазхәыци!
Аӡы иашьуаз дыӡӷабын… Лыхцәы данкны сахьлыхоз, шьыҵәра-шьыҵәра снацәкьарабжьарақәа иры­
бжьахо, аҟәа­ра днаган днықәысҵеит, деиҵыхәхәа.
Убас­­ҟаноуп ианеи­лыскаа саргьы салыршьырц аҷык
шсы­­гхаз, ҳҩыџьагьы ама­шәыр алыԥха ҳшеиқәнархаз.
Сыԥсы анызга сналыхәаԥшит, аха нақәацарак лы­
ма­мызт. Илхеибагәа дызкыз аҳәсақәа даарымсхын,

дласырхо-ҩасырхо, аӡы лҿысхит. Нас аҟәара деи­ҭаны­
қәысҵан, сналхыҵны сымаҭәақәа ахьышьҭаз снеин,
хыма-ԥсыма сҽеи­лаҳәан, сныҵашьшь сцеит.
Уажәы уи лҭаацәа, луацәа, лгәыцхәцәа еидибага­лар,
сры­ма иқәларын, снага-ааго: ҳаиқәзырхаз, ҳҿызхыз
ҳәа. Уи сара ибаны сынхом.

Ҩымш раҟара ҵхьан, еиҭах ҽыкәабара ҳәа уахь снеит. Уи аҽны ауаа еиҳа ирацәан.
Ҭынч аҽыкәабаха уаҩ ирҭом.
Аӡы сыҽналысшьын, аԥслымӡ снылатәеит. Ԥҳәыз­
бак дааин акәапаҳәа лҽынасывалыршәит. Аха аԥҳәыз­
ба ззумҳәара иҟада!
– Сузымдырӡеи? – деиҭаҵааит лара.
– Мап…
– Аԥси абзеи реиҩдыраара цәгьоуп, сыԥсы анҭала…
– Быԥсызҭгьы сара сызлабдырзеи?
– Уанцоз сыбла хыстит, аха уара уцеит…
– Уажәы бышԥаҟоу?
– Уажәшьҭа исыбаргәузеи! Сара сабоузаԥсоу…
– Бысзаԥсахап ҳәа иҟасымҵеит. Бара бакәзаргьы,
сара аӡы сашьуазар, ус бсыхәаԥшуа бгыларымызт.
– Даара усықәгәыӷит, аха… – дааччеит лара.
– Амала, уаргьы уашьуан… Аҽаӡәызар ус ҟаиҵо­
мызт. Аӡәы изы аӡы аҽаршьра цәгьоуп усгьы…
– Ацәқәырԥақәа алаапкқәа реиԥш ишишьҭаз, ихы
мша­ҭакәа, иԥсы мшаҭакәа, аӡы мшын далԥаан, ауаҩ
иԥсы еи­қәирхеит… Ари афырхаҵара, ари ахаҵара, ари
агәымшәара уи дины данынкашәа инаркны ицәеиижьи рыбжьара ибжьан, ида ишьа арныҟәон…
Днасыхәаԥшын дааччеит.

Сҩыза бзиа, Дигәа, ихоуҵару, абас аҩыз еиԥш иҿыз­
лаӡа ауп уахьахәаԥшуа ишыҟоу уи ҳаибадырра. Аиаша
уасҳәап, аҽаӡәызар лымԥын сықәломызт, аӡы дами­хын,
нас бзиа дибан, бзиа дылбан ҳәа аӡәы иаҳаргьы ԥха­шьа­
ран, аха уи зегьы схалыршҭит. Зегьы, зегьы, зегьы…
Уиаҟара зуасҳәарызеи, уара издыруа уакәзар, зегьы
еилукааит…
Ихоуҵару, Дигәа, раԥхьа ҳанеиниа ауха иҳаӡбеит
иза­кәызаалак, ҳҭаацәа ртәы, ҳазҿу, иаҳху-иаҳҵыхәоу,
ҳҭибам­ҵаарц. Уи лара лоуп иаԥшьызгаз, аха саргьы
акы еиԥшым­кәа исгәаԥхеит.
Хыхь – ажәҩан, ҵаҟа – адгьыл, хыхь – анцәа, ҵаҟа
– ҳара!
Ажәакала иахьа уажәраанӡа сара исыздырам уи да­
хьын­хо, илху илҵыхәоу… Анцәа иумҳәан, ҳаицәыӡыр
да­хьы­сыԥшаара…
Даара акраамҭа ҳаинион, ҳаицныҟәон, ҳаԥсы еилан… Акраамҭа… Абас хымз раҟара. Хымз закәызеи,
аха уи, ан­цәагьы-уаагьы, Дигәа, ԥсҭазаара наӡак иаҟа­
ра­хеит сара сзы.
Акырӡагь шԥаҟаз, иагьшԥакьаҿыз урҭ ахымзк?..
Аха уахык дмааит ҳахьеиниалоз…
Адырҩаухагь дмааит…
Адырхаухагь…
Мчыбжьыкгьы дмааит!
Иаха сара сыҟамызт, аха дшымааз здыруеит. Анцәаауаа, доуҳала акәушәа издыруеит. Аха данааиша, ҳаи­
ҭанеи­бабаша сыздырам… Исыздырам ҳаибабарц ҳа­
ҟоу, ҳаҟаму!..
Аиаша уасҳәап, Дигәа, уара удагьы ԥсы зхоу уаҩы
исы­­зиаҳәом, иагьиасҳәарц сыҟам, схы ахьызгара сы­

мам, адунеи сазкуам… Уажәы-уажәы ахә иеиԥш сеи­
лашәоит.
Иуасҳәап аҵыхәтәантәи аҵх атәы.
Ауха апроспеқт агәҭаҵәҟьа аахәан ҳцон.
Ҳцоит ҳмыццакӡакәа, еиқәшәаны иго ҳшьапышь­
ҭыбжь­қәа, наҟ-ааҟ еиварԥшьыхаа игылоу аҩнқәа ир­
ныҩуеит, ҳа­­ра иҳаԥҟьаны инаскьаргоит, аха нас ҳара
иаҳзыԥшыз­шәа иааныркылоит.
Ана-ара иаацәырҟьалоит, шәарыцара иҭыҵыз ацы­
гә­қәа. Уахынла урҭ зегьы еиқәаҵәоуп, сапын шәах­
ла ирыӡә­ӡәазшәа машәырла џьара шкәакәак улаԥш
иныҵамшәозар.
Цгәы еиқәаҵәак ҳаԥхьа амҩа еихнаҵәарц имыц­
цакӡа­кәа аҿаанахеит. Сара сышнеиуа сшьапы рӷәӷәа­
ны инышь­ҭасыкшоит. Иаразнак ҳара ҳахь иааҳәын,
анеонтә лашарақәа реиԥш, аблақәа наҟ-ааҟ алашьцара
иаалагылоит. Нас иаразнак алашьцара иҩаныҵуеит,
урҭ аҩлашаракгьы.
Лара сара дсыхәаԥшны дааччоит.
Сара лара слыхәаԥшны сааччоит.
Шаҟа ҵуазеи уаха ҿаҳамҭуеижьҭеи! Ажәак ҳҳәар,
ҳашьҭыбжь ҳаргар, ҳанасыԥ кьаҿхар, иццакыр ҳәа
ҳшәоз­шәа. Уи нкылан иҳаман, иҳаман. Ҳаргьы аԥхыӡ
ҳалоу­шәа, ҳшьапқәа ықәмыркьысӡакәа, ҳаӡса-ӡсо ап­
роспеқт – аӡиас ҳаццошәа ҳнеиуеит.
Ана-ара адәқьанқәа раԥхьа итәақәоуп аҟарулцәа,
рхамқәа рыҽрылаҳәан. Шьоукы ахьтәоу ишьхныԥсы­
лаз­шәа, икаххаа ицәахьеит. Шьоукы ҳара гәрамгар­ҭас
ҳҟаҵаны ҳшьаҿа ахьааихаагалак иҳашьклаԥшуеит.
«Бзиа еибабозар акәхап… Уаҳа иадыруазеи аҷкәын­
реи аӡӷабреи, – ргәахәуазар акәхап ҳазбо, – аха уаха
аҵых агәы еиҩнашаанӡа абас аулицақәа реимдара
рыл­зыр­шозеи, ирылазҵаз ирылихратә…»

Ҳцон, ҳцон, ҳцон апроспеқт ҳанысны агаҿахь ҳхы
рхо, зны агаҿантәи ашьхарахь ҳхы рхо… Ҳцон аҩнқәа,
аҩнқәа, аҩнқәа, аҩнқәа ҳрывсны. Ажәытә ҩнқәа,
абыр­зенцәа рстиль ала иҟаҵақәаз, ахацәа дауаԥшь­
қәа, аҩн­қәа зыҽры­ҵыргәан игылоу, зымҵәыжәҩа­­қәа
кы­­дыжәжәахьоу амаа­лы­қь­цәа ргорелиефқәа рыла ирхиоу… Дигәа, уара узыҩнамӡаша ауада хәыҷқәа змоу
аҩн ҿыцқәа ҳрывсны… Ла­ӷәымла еиҟәыжәжәа амшын иҭарыжьыз Аԥсны аҳ ду Қьалышь ибаа ԥҽыхақәа
ҳрывсны… Иҳаваӷӷа иҳацуп ацәашь­қәа реиԥш игылоу, зиаҵәара зыциуа, изцыԥсуа аԥса-ҵлақәеи, есуа­жәааны ицәҳәуа егьырҭ ашәаԥыџьаԥи. Наӡаӡатәи
аԥсҭазаареи аԥсра ҿҳәарас измоу аԥсҭа­заареи урыз­
хәыцуа…
Ҳцон абас ақалақь ҳалалан.
Ҳцон, ҿаҳҭуамызт.
Лара лнапы сара ирӷәӷәаны искын.
Сара снапы лара далаԥсны илкын.
Хыхь – ажәҩан, ҵаҟа – адгьыл, хыхь – анцәа, ҵаҟа
– ҳара!..
Ашьҭахь саназхәыц ауп, арҭқәа еидысыҟәшәало,
еи­ды­скыло саналага, акәымзар, усҟан анасыԥ исыз­
кашәаз сатә­натәны саман.
Ашарԥаз, ҳахьеиԥылоз, ҳахьеиԥырҵуаз ҳаннеигьы,
лҽыл­мыԥсахӡеит. Дшыҟац дыҟан. Сгәы ҩыҭгәыр­
ӷьааит ас данызба.
– Уахатәи аҵх сара ԥсраҽнынӡа исхашҭуам! – лҳәеит
лара.
– Ԥсраҽнынӡа! – сҳәеит саргьы.
Абасоуп, Дигәа!..
Уаҳа сҳәомызт, уара уеиха уман абни аца-ҵла ашьа­
пы уадгыландаз… Уи ԥҟазар шысҭаху удыруеит, аха
уара унапала иԥуҟар зынӡа сгәы ҭынчхон…
Амҿы алҵрын… Уи сҳәеит ҳәа, имаҭәахәызар?

Маҭәахәрас иалоу аҽакы сыздыруам, аха ӷәы-аасас
иҟар­ҵоит ҳәа саҳахьеит… Аха уи ҳзазхәыцрызеи, Ди­
гәа! Уареи сареи ус ҳаҟоуп, егьа ауаҩы дҳаӷазаргьы,
инышәын­ҭра ҳахагыландаз, ҳнапала анышә игәы
иқәҳажьындаз ҳәа ҳаҳәом ианакәызаалак …

АХӘЫЛԤ АЗ ИНАРКНЫ. . .Амрагь ҭашәеит, амш хәар-чаруа иалагеит. Аԥсҭ­
ҳәақәагь рҽышьҭырхын, ажәҩан ааҵырҟьа­ӡеит. Аԥ­
шагьы на­ҵысы-ааҵысит. Аҵлақәа аҽанынархьна­ҳәа­
лак, еилыԥ­хаа­уа ирықәжьу ахьыҿырп, аҩҩыҳәа бӷьы­
жәны адәы цәҳә­қәа инарықәнаԥсоит.
Асҟак изычҳахьаз аамҭа, уажәшьҭа гәыбӷанс иау­
ҭозеи!
Шьасиа дышнеиуаз аԥша иҿнаӷәыхааз абӷьыжә аҳәи­
ҵә­ҳәа ианынлықәыԥса, дыҭрысшәа аҩада дҩаԥшит.
Амшә ақды анақәҳа ҿнамҭит, абӷьы анақәшәа
ибыбит.
Зыбӷьы кыдӷәыхаа ицаз махә хахақәак дрылыԥш­ны
ам­за алашара ҩежьӡа излаҭәаз аԥсҭҳәақәа лбеит. Лара
ак­кара дыҵагылан. Ари рыҩны аладахьы ахьацараҿ
акәын. Ашоура бааԥс еиԥш лгәырҩа дҭанагалан, лшьапы дахьагоз, лхы ахьхаз ддәықәижьҭеи шаҟа аамҭа цахьаз лгәалашәо­мызт.
Макьана инеиԥынкылан иасуамызт аԥша, аха ус
иаа­кыл­ҟьалон, иӷәӷәацәамкәа. Ахьацақәа ицәаны
иры­қә­жьыз абӷьыжә аҳәасарҭ еиԥш иҿҩырны аҿы­
ланахон. Уи аԥша, алаӷырӡ иабылны иҟаз Шьасиа лыб­
лақәа аархьшәа­шәан, еиҳа ицқьаны иаахылтит.
Шыхәлара ихәлахьан.
Шьасиа аҩныҟа лҿыналхеит.

Аҩны даннеи, дышиашаз луадахь дныҩналан, ала­
шара­гьы амыркӡакәа, напыршьшьыла аҟәардә лыԥ­
шаан днықә­тәеит.
– Шьасиа, – лҳәеит Шьашькәа, ауада лхы нылакны, –
ала­шара абмыркуеи, мшәан?..
Уи алашара аркыга лыԥшаан, аҿақҳәа абжьы рганы иаалыркит. Шьасиагьы ашәақьхысыбжь еиԥш уи
дацыҵҟьа­ны даахьаҳәт. Шьашькәа лыԥҳа даны­нал­
ҿаԥш, илкыз лҩым­саг налымпыҵшәан, аӷәра ины­
қәшәеит.
– Ибыхьзеи?.. Макьана бзаазеи?..
Шьашькәа илбеит, ацәа бзиа илхаз, лгәыԥшқара уҳәа
еилалан ирҵәахуаз Шьасиа лықәраҵәҟьа шхынҳәыз.
Уажәы уи лаԥхьа итәаз, илбахьоу лыԥҳа ԥшӡа, еснагь
иӡӷабхоз, анацәа ҭыԥ зынхалоз лыԥҳа ҟәымшәышә
лакәмызт.
– Сааԥсеит, мама, сааԥсеит, – лҳәеит Шьасиа, лан
ла­кәымкәа, иара ааԥсара ахаҭа убра игылазшәа. – Уа
сахьнеизгьы сҿи-снапи еиқәҵаны сзымгылеит, акы
ныҟасҵа-ааҟасҵақәап сҳәан... Насгьы, ауаа рацәан,
ауаа аныра­цәоу акгьы ҟасымҵаӡаргьы сааԥсоит...
– Усҟак ирацәоума ауаа?..
– Ҵҩа рымам... Ишԥарацәоу, ишԥарацәоу ауаа!..
Шьашькәагьы уи лаԥхьа аҟәардә наргыланы днықә­
тәеит. Шьасиа лнапы налыгӡан, арадио алыркит. Арадио аблагьы ҭыԥсаауа иааиаҵәахеит. Зныказ џьаргьы
иқәыл­мыргылеит, ус ашшы ахго абла иаҵәа ҭыԥсаауан,
иҭыԥсаа­уан, иҭыԥсаауан.
– Бааԥсоу бааԥсаму сара исымбо… Зынӡа сгәаҵәа
ҭҳәоу џьыбшьома!.. – Шьашькәа лыбжьы каҳаӡан иҟан.
– Мама, барамыжда, изхабымҵозеи, сара исҿашәа­
лак сҳәома нас?!

– Саргьы сгәы ажәит акәымзар, макьанаҵәҟьа
ас сеихәлаҳауамызт… Бара бансоуз, хәыҷык сыԥсы
анеиҩыз­га сазхәыцуан, бандухалак еиҳәшьцәак, еи­
ҳа­би еиҵби реиԥш, ҳаицны џьара ҳаннеилак, ҳаи­ба­
дырбо ҳшыҟалаша ҳәа. Ус­ҟан сыӷәӷәан. Ҩажәа шықә­
са сырҭан. Ҩажәа шықәса ры­ла аԥҳәыс лакәым, аҵәа
еихауҳар ишақәнаго иҿалартә изыҟалом…
– Мама, бара уажәыгь сара саҵкыс быӡӷабуп... –
лҳәеит Шьасиа, аха лҿы еилымго акәын дышцәажәоз.
– Сара ҽырбашақә акәу џьыбшьома уи зысҭахыз…
Ба­ра бгәы алаҭызгап ҳәа. Насгьы сгәы иаанагон бара
бгәы иааҭабкуа зегьы, бҩыза ӡӷабк лыҟны еиԥш сара
сҟны ибӡарым, иаацәырган исабҳәалап ҳәа. Аха сгәы
сажьозаап… Зегьынџьареиԥш…
– Мама!
– Шьыта… Уи аҽакала дыҟоуп. Уи бареи сареи ҳаҵ­
кыс лгәы ӷәӷәоуп… Бареи сареи ҳакәыз џьысшьон еиԥ­
шыз… Аха уеиԥшызаргь хәарҭамзар, уеиԥшымзаргь
хәарҭамзар…
– Мама, сара бара ибцәызӡо, ибцәысҵәахуа акгьы
сы­маӡам, аха бгәы ԥысҵәар сҭахым… Ибгәалабмыр­
шәан акгьы, бааи урҭқәа усыс иҟаҳҵарым… Иҳалша­
рым ҳара, џьа­ра хык мҩасны ицозаргьы, ҳгәы иҭашәаз­
шәа, иҳалҟьан ицазшәа ахьаа ҳзыннажьуа иалагар…
Нас ԥыҭрак ус итәан ани аԥҳаи… Арадио абла иаҵәа
ҭыԥсаауа, жәа злаӡамыз ашәак еергьҳәа иаанагон.
– Сцапи, аихаҵә дуқәа нылажьны аԥенџьырқәа
асыркы­пи… – Шьашькәа дҩагылан, лҩымсаггьы уа
иш­каршәыз дындәылҵит. Ԥыҭрак ашьҭахь ашәаркыга
еихашәқәа аӷь­ӷьаҳәа иааилалт.
Аӷьеҩ – актәи аԥенџьыр, аӷьеҩ – аҩбатәи аԥенџьыр.
Аӷьеҩ – аԥхьатәиқәа рахь акы…

Шьасиа днаскьаны арадио днадтәалан, архиага
иналырҵәи-аалырҵәиит. Иарбан бжьымыз, иарбан
му­зыка­мыз, иарбан ԥшамыз уи ауха аҵх иалԥаан ара
иаанамгоз! Иара иҵәи-ҵәиуа скрипкак абжьы еин­
ҟьа-еиныруеит, аӡаӡ еиԥш аҵх кылнаҵәоит. Раԥк дӷы­
зыӷызуа иашәаҳәабжь ааҩ­уеит, аҽаџьара џьазк ҵәааҵәаауеит, иԥси-иԥси еихьым­ӡо игәы ԥжәома уҳәартә
аӡәы иашәаҳәабжь алыҩуеит. Нас Шьасиа ил­ма­ҳаӡацыз
бызшәала аӡәы дцәажәон... Егьа абызшәа узым­дыр­уа­
заргьы, еилукаартә иҟан уи гәыԥ­жәарак шимаз...
Абри зыбла иаҵәа ҭыԥсаауа ԥшь-ӷәыцәмаҟьа еидсалак иры­бжьакыз амеханизм хәыҷы, агәы аԥсаҟьааԥсаҟьа еисуа, зегьы ирзеиԥшыз анасыԥи анасыԥдареи
рбызшәала, ан­цәа ихьӡ еиԥш иҭыкка иҟоу ажәҩан ду
иаҵаршәыз адгьыл цҳаражәҳәара азнауан.
Шьасиа лан ашәқәеи аԥенџьырқәеи злалыркуаз
аиха­қәагьы рышьҭыбжь азыӡырҩра даҟәыҵит, уаҳа
изакәызаа­лакгьы акы дазыӡырҩуамызт, ашәа ада. Аха
убригь ра­цәак аамҭа лзаламгеит. Ацәқәырԥа кьаҿӡақәа
рахь ииалган, аԥшаара дналагеит.
Ус, иккаӡа аӡәы ибжьы ааҩит, иааигәаӡаны џьара
дцәа­жәозшәа:
– Я – 18-833. Вошел в зону. Высота 8000 метров.
Сильная болтанка. Путевая скорость 670 км в час. Разрешите подход. Условие посадки...
Уажәы-уажәы ибжьы ԥыҵәҵәон, арадио иаанагоз
егьырҭ ашьҭыбжьқәа, уи ибжьы рыҵадырӡуан.
– Я – Терек... – игеит аеродром аҟнытәи абжьы, нас
аҽакы бжьалан, Шьасиа дгәаҟ-гәаҟуа дшашьҭазгьы ак­
раам­ҭа илзышьақәыргыломызт уи абжьы.
– Погода ниже минимума. Прилет запрещаю, следуйте на запасной... – аҵыхәтәаншәа иааҭыҩит уи аи­

цәажәара ацыԥҵәахақәа. Дгәаан, ихыжәжәа-хыжә­­жәа
иҳәон, еиҭеиҳәон аҵыхәтәантәи ажәақәа аерод­ром
аҟынтәи ицәа­жәоз.
Абри даназыӡырҩуаз еснагь лгәы иаанагон ИАРА,
аибашьҩы-ԥырҩы, итәагашоурахаз ажәҩан иалар­
шәыз изы акәызшәа аеродром зцәажәоз... Иара, Баҭал
арра-ҳаиртә ҵараиурҭа ишналгаз еиԥш еибашьра ицаз.
Аҳ, анаџьалбеит, анаџьалбеит...
Ажәҩан аҵаулараҿы џьара, ахҿеиԥш аҳауа ацә­
қәыр­ԥа­қәа ирылҟьо, аԥшеиҿасырҭақәа ирылоуп аҳа­
ир­­план. Уи ицәа­жәо аԥырҩы-арадист ишьҭахь иҭә­ны
итәоуп ауаа…
Аԥсҭҳәа цыԥжәахақәа бааӡажжыраӡа, ихьшәа­шәа­­ӡа
иҟоу аҳаирплан аварақәа инарыхьҳәазоит, нас иҩа­­­
ԥы­ра­ҳауеит. Иаргьы аԥынҵа ҵарӡа аԥсҭҳәақәа ина­
рыл­ҳәан, икыл­жәан инарылсуеит, аҽа ԥсҭҳәа­қәак
ирылаҳәуеит, ирыл­суеит, аҽа ԥсҭҳәақәак инары­ла­ҳа­
уеит, инарылсуеит… Шаҟа, шаҟа, шаҟа ирацәоузеи урҭ,
нҵәара зықәӡам аԥсҭ­ҳәа­қәа…
Аԥырҩы уажәы игәы ҭыԥсаауа дазыԥшызар акә­
харын адгьыл аҟынтәи ирҳәарызеишь ҳәа. «Мап»
рҳәеит, аха агәыӷ­ра нхоит… Издыруада, издыруада,
из­­дыруада!..
Уажәы ари еиԥшха, ихынҳәны аҽаџьара ацара мар­
иоума?!.. Насгьы уа иахьнеиуагьы ирыдрымкылар?
Џьаргьы ирыдрымкылар?! Иаҳҳәап, зегьынџьара еи­
ԥш­ны амш цәгьа­зар!
Абасеиԥш аан шаҟа иаԥсоузеи «уҳадаҳкылоит»
рҳәар, «мап» иазымҵәахуа агәыӷра наӡар. Шаҟа ахә ду­­
хозеи ус­ҟан уи еиԥш агәыӷра. Уи еиԥш агәыӷра иа­накә­
заалак, иахьакәзаалак акырӡа иаԥсоуп!

Усҟан, уи аҳаирплан аҵх иаалнакаарын, аӡаӡа зы­
қә­шы иҟоу акаҭран мҩақәа зылдоу аеродром. Знык
аҳаирплан агьежьқәа рыла адгьыл ианнықәслак, аԥыр­
ҩы иԥсы ааивга­ны, иҩызцәа днарыхәаԥшрын. Урҭи
иареи ааихәаччарын. Нас, ауаа ҭыҵырц ианыҩагыла­
лак, ашә аартны даарылаԥ­шрын.
– Бзеила, амҩа бзиа!
– Абзеираз!
Хыма-ԥсыма иахьналбаауа, ршәарақәа, рыԥсы­л­
мыт­­кра­қәа зегьы рхашҭны раԥхьаҟа иԥшуеит, ари­
нахыстәи иазхәыцуеит урҭ. Убриаҟара иӷәӷәоуп адгьыл – уи ирлас­ны зегьы уханаршҭуеит.
– …Разрешите подход… Разрешите подход! Условие
посадки, условие посадки! – арадио иҭыҩуан аԥырҩыарадист ибжьы ԥыҵәҵәа-ԥыҵәҵәа.
– …Прилет запрещаю… – Запрещаю… – ҵәҩан­ҵәы­
ҟатәи абзарбзан еиԥш аеродром аҟынтәи уи «деихс­
уан» аӡәы.
Ус, иааиԥхьбеит урҭ рыбжьқәа. Шьасиа дырҩегьых
илыԥшаар лҭахын, аха уаҳа дақәымшәеит. Нас арадио
лыр­цәан, ԥыҭрак ус дтәан. Шьашькәа лышьҭыбжь ҳәа
ак­гьы гаӡомызт. Ҭынчран зегьынџьара. Шьасиагьы,
лара дзыҩ­натәаз ауада аамҷыдарахаз, егьирахь аҩ­
ны ашәқәа аԥенџьырқәагьы ывҵашьыхаа ишар­кыз
анаалгәалашәа, аҳа­уа лыцәмаҷхозшәа лгәы иабо далагеит. Лыҵкы ахәдагь ааԥлыртлеит.
Дҩаҵҟьан, ауадақәа аҩбагьы даарыҩнысын, азал
лхы ныҩналкит. Шьашькәа дхәыцуа астол ду да­
хатәан. Лыҩна­пыкгьы наҟ-ааҟ лыцламҳәа рын­ҵаны,
лыблақәа ааихмыр­сыӷьӡакәа астолқәыршә жәпа да­
хәаԥшуан.

Уарҳалк еиԥш ихьанҭазар ҟалап абри астолқәыршә.
– Мама!!!
– Аа… – лхы дҩахеит уи.
– Ибыхьзеи, мама?
– Саргьы сааԥсеит, аҩны зхагылоу аԥҳәыс… Аҩны
абаҩ шьҭызхуа шаҟа хаҳәтә-шьаҟа аҵагылоузеи?! Сара
аӡә соуп…
– Аиеи, мама…
– Аиеи, усоуп… Аха сара сыӷәӷәоуп, бымбои… Абас­
ҟатәи хаҳәтә-шьаҟа ирылшо аҟара сылшоит…
– Аиеи, мама…
– Ус, схашыгә иқәгылоуп, абраҵәҟьа, – лхагәҭа аҟыгә
аахлырган, дааччашәа луит, – инаԥшуа уа иқәгылоу саароу џьишьартә, ма гәыгәыму…
Нарҭ Сасрыҟәагь ԥҳәыск лхы иқәгылаз саарак
данӡа­леит…
– Мама, сара ашкол аҟынӡа сцап, – лҳәеит Шьасиа,
– макьана цәыкьоуп... Иара абиблиотека ацаԥха аӡәы
иҭах­харгьы ҟалоит...
– Ара бтәазаргьы иҟабҵозеи, аҩны гәгәаӡа. Игәгәаӡа
атәара цәгьоуп... Бца, бца!
Шьасиа амардуан дналбаахьан, Шьашькәа ашә
хьан­ҭаӡа, иаартны, лыбжараҵәҟьа ҩдәыллырҳәҳәеит.
Ажәырқь­ҳәа аԥша аалҿасит.
– Лашьцоуп, бхала бызцару?
– Уажәы избама, алашьцара... Ахәылԥҵыс саҩызоуп,
хьаас ибымкын...
– Рацәакгьы илашьцамзаап... – Шьашькәа лхы
дҩахан, ажәҩан дҩаҵаԥшит. Уа ажәҩан иаҵашьыхны
иҟаз аԥсҭҳәақәа иҩежьӡа ирылԥшуаз амза, АҼЫКӘАҲА
гьагьаӡа иакәых­шан.
– Амза аҽыкәаҳа акәыршоуп!..
– Ишаҟароузеи, – лҳәеит Шьасиагьы – лхы раҳан
дҩа­ҵаԥшын.

– Уаҩ дук дыԥсуеит...
– Аӡынра цәгьахоит...
Шьасиа уи уаҳа даламцәажәакәа агәашә дынҭыҵит.
Аӡынра. Бзиа илбон Шьасиа аӡынра. Иҵаарҷҷо, уа­
наа­дәыл­ҵлак егьа уцәалашьшьы уҟазаргьы, иараз­
нак уарыцқьоит. Укеикеиуа ашьха уқәушәа уаа­ҟа­­­
лоит. Аҵаа азныказ уӡамҩақәа, уԥынҵа, улым­ҳақәа
ҩыҿнаршәаауеит, аха иа­раз­нак ушьа аусура ҩба­на­
тәуеит. Нас урҭ зегьы шуеит, ам­ца рыхҟьо – уӡа­мҩақәа,
улымҳақәа, уԥынҵа. Иҟәашкка­раӡа убла хна­куеит асы.
Аԥшшәы рацәа иашьцылоу убла­қәа арааԥ­соит. Ахьҭа
рҿышәшәоит сыла иҷыҩны арахь иааԥ­­шуа ашьхақәа.
Аха ишԥаҟало урҭ амра ангыло, ианҭашәо, иԥхеи­
ԥхеи­уа аҩы иӡаарҵазшәа.
Абиблиотекаҿ дтәоуп. Аԥенџьыр аҟынтәи илбоит асы аҳәылыҳәа ишлеиуа. Асаркьақәа ракәзар,
баҳҭ-баҳҭ ашәҭ шкәа­кәақәа ақәыԥсоушәа иҟалоит.
Асы ихнархәаз аҭәаҵла амахәқәа ишаҟә-шаҟәӡа ина­
рылатәоит ар­дәына еиқәа­ҵәа самсалқәа. Амахәқәа­
гьы аддыҳәа ашәыб рықәыҩрны икаҳауеит. Ардәына,
ахәда ахәы бымбыл иалацалан, аԥынҵа ҩежьӡа арахь
иалыԥшуа иқәтәоуп… Асы аҳәылы-ҳәылыҳәа алеира
иаҿуп, иа­ҿуп, иаҿуп.
Абар, ардәынеиқәаҵәа еиԥшҵәҟьа, иуапа еиқәаҵәа
дҭашьшьы аӡәы дахьнеиуа, аха уи иаарласны дҟәаш­
ӡа асы иқәнауит. Ардәына сы-цыракгьы ақәыршәым,
еиқәаҵәаӡа ацәҟьареиԥш асы шкәакәа иларшәуп. Нас
инеиҭаԥан арахь ахы архоит. «Ҿықә-ҿықә» ҳәа ишәа­
ӡыӡо абжьы нар­ганы, ахҿеиԥш аҭәаҵла иалԥраан, еимагылан илеиуа асы иҩалаӡуеит.
Иаандаз, иаандаз аӡынра!

Шьасиа дууӡӡа, ддысӡа дшыҟоу, лхы нахга-аахго
дыш­хәыцуа акәымкәа, лхьаа аалызцәырҵуан, лгәы
кылҵәо. Ахы злахаз диеиԥшын. Лхәыҷрагьы, лыбзиабарагьы – зегьы акраамҭа инымҵәо ԥхыӡны дшалаз,
дшалаз мацара, уажәы дыккаӡа даалҵызшәа лбон.
Зынӡа илзымдырӡозҭгьы уи зны зыԥсы ҭаз анасыԥ!
Аха мап! Егьа гәаҟра аԥеиԥшхазаргьы, уи насыԥын,
на­сыԥын уи…
Дырҩегьых лқәыԥшра, лыбзиабара аԥсы ҭалан, мцаны иҩалыжәлеит. Дцон, дцон, дцон, аха амҩа нҵәара
ақә­ӡамшәа илбон. Дцон…
Аӡы шцара… Аӡы шцара, аха дызцоме, инҵәоме…

Дышнеиуаз, аҳәынҵәа шьҭаҩаны, икыцха иахьы­
ҟаз џьа­ра длышьацәхныслан, лжьы лцан даангылт.
Даа­наԥ­шы-ааԥшит. Раԥхьа дахьыҟаз лзымдырӡеит.
Цқьа даныԥ­шы, лашарак ҭааӡа иааигәаны џьара илбеит. Даа­ӡырҩит. Адгьыл иҵыҩны иааҩуазшәа, ауаара­
цәа хәыҭхәыҭла еицәа­жәозшәа, хәыҭхәыҭла игәын­қьуа
шьоукгьы амыткәма рҳәо­шәа лаҳаит.
Аҽазнызар Шьасиа дшәаргьы ҟаларын, аха уажәы
«цатәуп, изакә уаау еилкаатәуп» ҳәа ауп лгәы иаанагаз. Ахәа­цаҳәа лҿыналхеит. Ԥыҭк данынаскьа ауп ианылдыр, анышәынҭрақәа рҿы шакәыз абжьқәа ахьгоз.
Даангы­лахт. Дааӡырҩит. Аха уажәы ауаа рыбжьы еилыкка иааҩуан.
Лгәы аалыԥсахын уахь днарыдгылт. Ауаа маҷҩы­
мызт. Иналаршә-ааларшәны ирҳәоз мыткәмақәак
ракәын акәым­зар, уаҩ ҿиҭуамызт. Ԥҳәыск дқәар­қәа­

шьеиуа, длаҳәны ды­ҟазшәа дӷызы-ӷызуан. Лашьцан,
аӡәи-аӡәи еибадырыртә иҟамызт, аха усгьы Шьасиа
гәаныла еилылкаауан илдыр­уаз ауаа шырацәаз.
Алашьцара лхы иархәан, ауаа днарылс-аарылсуа,
ижны ҿыц иҭырхыз анышә днылагылеит. Ҩыџьахҩык раҟара ржыгақәа кны агәгәаҳәа анышәынҭра аи­
маԥсара иаҿын. Акәы­ба уажәшьҭа уаҩы ибомызт, аха
макьана иақәрыжьуаз анышә ашьҭыбжь аныҩуан. Шьоукгьы (агәыцхәцәа ракәхап) ашьшьыҳәа уаԥсҵәыкуаԥсҵәык анышә шьҭыхны уахь иҭарыԥсон.
Анышәынҭра азхык ахь фонарк ҭааӡа икны дықәгы­
лан хаҵак. Убри афонар алашара хәыҷы акәӡан ауаҩы
дыз­жуаз ирбоз.
Урҭ аԥсыжцәа рхы-рҿқәа афонар алашара-ҭаа
алашь­цара иахьалнакаауаз аԥс-ԥшра рнаҭон. Афонар
зкыз ибла­қәа ҟаԥшьшьӡа, аҭәра иаҿыз анышәынҭра
дазыԥшын.
Шаҟагьы дааигәоузеи анышә иарҭаз ауаҩы, изакәы­
зеи ҩба-хԥа рагыд анышә аҿыгҳара?.. Аха шаҟагьы
дхароу­зеи!..
Абас еизааигәоуп... аԥсреи аԥсҭазаареи... Егьа ԥан
бзиа ԥшааны аԥсҭазаара – аӡиас урыргьы, уахьныруа
аԥ­с­роуп иҟоу...
Иӷызы-ӷызуаз аԥҳәыс алашьцараҿ длызгәамҭеит
Шьасиа. Дырҩегьых ауаа дрылсны шьҭахьҟа днаскьеит.
– Ашьшьыҳәа ушьапы уаԥшны еихгала, анышәынҭра
уҵабгоит, – иҳәеит Шьасиа илывагылаз рахьтә аӡәы,
иҩы­за иахь.

– Ирхадыркааит, ҳала-ҳҿы ҭакәаҳа абас абра ҳзыр­
гы­лаз… Лыԥсы аҵаҟа рыԥсы ҟалааит, – иҳәеит егьи,
игәы ԥыжәжәо, – ирҭаху ҳаларыгӡоит урҭ!..
– Дарбан «урҭ?»
– Дарбан, иуздыррым дарбан!… Шьоукы дара
ахьын­­хонӡа алашара наганы иаҟәыҵт, ақыҭа азыбжак еиқәы­лашә иныжьны… Иҟаӡами урҭ рҩызцәа
уара аус ахьууа? Иахьа угәы аҳәо, уеихаччо аусура уа­
хьынҭы­ҵуа, иҟарҵалак џьара иноуԥықәсылан, умала уҽузымшьуа уааныжьны, ухы угәы ахыршәаны,
иноуԥырҵны ицоит… Иузымдыруеи урҭ?..
– Адунеи ҟыба-ӡыба агхаӡом, урҭ зегьы схы рныс­
ҟьоит ҳәа уалагар…
– Сгәы иахьамуа исҳәоит акәымзар, угәаҵәа иш­
залым­суа аҟара сымдыруеи…
– Ишԥоуҳәо, џьушьт… – дымгәаакәа дааччеит егьи.
– Агантәи аԥсы дҳаман ҳааит. Ара алашара ааргеит ҳәа агазеҭқәа аҳәарҭа рибамҭо ирыҩуазижьҭеи
анбатәи аамҭоу!.. Уныдыххылан џьара цәашьык аау­
гартә иааигәаны уаҩ дынхом…
– Ани ауаҩ ҳаԥсы даԥшәмахеит…
– Аиеи-гәышьа, аха ара иҟаиҵоз?
– Иҟаиҵоз зыхьӡузеи, иҷкәын хәыҷы дицәымԥси.
Шықә­сыки бжаки шихыҵуаз. Жәашықәса иԥҳәыс хшара длоуӡо­мызт. Иаалырҟьан абас изылашан дшыҟаз,
еиҭаизы­лашь­цагәышьеит.
– Анышәынҭраҿ цәашьык аиркырц дааизар акә­
харын…
– Ааи, ус акәхап. Уи иакәымзар, напыршьшьыла
ҳаԥсы даажыр акәхон.
– Ее, насыԥцәгьа, абни амаалықьгьы аԥсра абаиа­
ҭәаз. Иара ихадыркуа алашара инап хәыҷқәа рыла
икны, абри иаажыз аԥҳәыс бырг лымҩа дықәиҵозар
акәымзи…

– Ҳара иҳамчгәышьоузеи… Уажәраанӡа узҿызгьы
убри аԥсра еиԥшуп. Аԥсра уаҩ дзаиааихьазар, убригь
даиааиуеит. Ԥсыхәа амам… Зегьы ҿҳәарак ҿҳәарак рымоуп. Уи уаԥыҩлан акгьы узыҟаҵом, аԥсҭазаара ахала
аҽыҟанаҵа­роуп.
– Аа, ушаҟәыҵра наҟ, уаргьы усзацлахт уажәы,
– иҳәеит згәы ԥжәаны ицәажәоз. – Абри амҩагьы,
абри алашарагьы мҩабжара инрыжьт, убарҭгьы рхала
иҟалоит, уԥшыз… Снапы ахьынаӡо џьара акәындаз,
анышә даргьы саргьы ҳамахгьы, аха иабаҟоу!
– Урҟәаҵ, ирзууазеи џьаҳаным рҭыԥхеит. Уи аҵкыс
ҳдәықәҵа, заа ҳалбаар амашьынаҿ аҭыԥ ылаҳхуеит
акәым­зар, ҳашгылоу ацара ҳақәшәоит. Иабадгьылу?
Ана акәым, ара акәым. Амҩа акәзар – ахырзаман…
– Иҵегь еиҵаршәшәазар акәын уара уеиԥш иҟақәоу,
абарҭ амҩақәа ирынгалан… Усҟан иуҳәоз саҳара сыҟан.
– Уара уҩызцәагь ирҳәо рыфеидоуп…
– Ма иаҳҳәо аӡәы имаҳари… Ауаҩ ихәрақәа ашша
анрыбжьашәлак нахыс, аҽада изурҟааргьы ишьҭахь
дуз­хьарԥшрым, иаԥхьаҟагьы акгьы ибом.
– Уаала, уаала! Уи сара исаҳауеижьҭеи!..
– Иаахҵәаны амҩа удыруама?
– Ишԥасзымдыруеи! Арҭ уа илеиаанӡа, знык
аҭыҭынгьы ҳахоит.
– Иара абрагь зегьы урывымсыр ууам…
– Уара уакәӡами, мшәан, уажәы исышьҭаланы
икәата­леиуа ицо?
Урҭ еибакы-еибашьҭуа, амҩахь идәықәлахьаз ауаа
рыжә­пара ԥҟаны, ахәы ахыҵырҭахь рҿынархеит.
Иҭааӡа афонар зкыз, ԥыҭрак анышәынҭра ҿыц
дахагы­лан. Нас арахь иҿааихеит. Шьасиагьы дахьына-

гылаз дадыр­сызшәа, ус дгылан. Шцатәыз лдыруан, аха
дгылан.
Уи дшааиуаз, Шьасиа данаалыдгыла, ифонар дҩахан
иналҿаирԥхеит.
– Шьасиа?!
– Ауаа анызба сымҩахыҵын...
Шьасиа аҽаӡәы иҳәоны дазыӡырҩуазшәа акәын
лыб­жьы шлаҳауаз.
– Ауаҩы мыжда, иахьа дыҟоуп, уаҵәы дыҟам, –
иҳәеит уи, даақәыԥсычҳан, – знык анышә хьшәашәа
ан­шәы­-б­жьала, нас... Аха ауаҩы иблақәа ааԥшуанаҵы
деи­ха­ла­роуп.
Шьасиа ҿымҭ дгылан.
– Шьасиа, бнаскьазгап бшәозар?..
– Сзыршәозеи, мзашәагьы акы ыҟоуп...
Абри ауаҩ, зхәыҷы-згәыӷырҭа абра анышә дамоу,
ми­нуҭк иадамхаргьы игәы зырҭынчша акы иалҳәарц
лҭахын, аха уи даара ицәгьан.
– Алашара аҭыԥ аҿы иҟасҵап, наҟ ала схыҵуеит.
Ари аны­шәынҭра рыцҳагьы гәгәаӡа иқәхеит, џьара лашарак аага­ны иасыркырц сҭахын.
– Сара машәыршәа ауп сшақәшәа, уаҩгьы иазҵаа­
шьа сақәымшәеит...
Афонар зкыз илеиҳәеит иржыз дызусҭаз, нас уаҳа
ды­м­ԥшыкәа деихо иҿынеихеит.
Шьасиагьы аҩада лхы рханы лҿыҩалхеит, убри игәы
ҟазҵашаз џьара ажәа ҟәандак ахьылзымԥшааз, иа­
хьылзым­ҳәаз лгәы иҭыхо.
Иржыз аԥҳәыс бырггьы ус ааигәа длыздырамызт,
аха лхи-лҵыхәеи лаҳахьан. Урҭ аханатәгьы Ага инхон. Лхаҵа дыԥсыӡкҩын. Уахык иҩызцәеи иареи ам-

шын агәахьы ишы­ҟаз, амшын цәгьахеит. Уаҳагьы урҭ
арахь аӡәгьы дыхным­ҳәит... Лыҷкәынцәа рҩыџьагьы
арра иҭахеит. Лара дан­ԥсы, уа дызваржуаз уаҩ длы­
мамызт усгьы, дааганы абра ланхәеи лабхәеи дры­
варжгәышьеит.
Шьасиа аҽазнык даахьаԥшын, уажәшьҭа илымбоз
анышә ылҳәыгәра шыҟоу днаԥшит.
Шаҟа дзаҵәузеи уажәы абра иржыз!.. Лыԥсы анҭаз­
гьы шаҟа аамҭа дзаҵәны дыҟазиз! Зхаҵа, зыҷкәынцәа
зцәы­ӡыз аԥҳәыс!
Егьырҭ лыкәша-мыкәша иҟаз ауаа, илыцхраауаз,
лгәы нызкылоз, дзыжьжьоз?
Урҭ егьа днырмыжьзаргьы, егьа лымаҵ рузаргьы...
Дры­ц­ҳаршьазаргьы... Лгәаҿы лхаҵеи лыҷкәынцәеи
рҭыԥ ахьҭацәыз, уаҩытәыҩса уаҳа изҭырҭәаауамызт.
Абри агәырҩеиԥш ицқьазҭгьы, анарха рымазҭгьы
абзиабареи ақьиареи… Усҟан аԥсҭазаара аҽакала, аҽа­
калаӡа иҟалон.
Ари ахәы хә-дуун. Аԥсыжрақәа рацәаны иаман.
Иҟан зынӡа иажәхьаз аԥсыжырҭақәагьы. Урҭ зтәыз
ажәлантәқәа, ма амҳаџьырра ицеит иқәҵны, ма аи­
башьрақәа раан иҭахеит… Урҭ рабацәа рнышәын­ҭра­
қәагь амаӷ-ажыц рхиаа­уан, абаҟа кьоу-шәоуқәагьы
хәаш­хәаша иагон аамҭа.
Анкьаӡа, ада ԥсҭазаара аныҟамыз инцәартәуаз
ахаҳә, уажәы ажәытә ҳаҭгәынқәа рханы иахьарсыз,
убри анкьа­ӡатәи рҵакы рзыхынҳәуан. Ашыц­ламҭә
рықәышьшь, ауаҩ ибаҩқәа зфаз адгьыл иахьы­ҵыҳә­
ҳәоз, ҵысра рымаӡамкәа, имбаауа-имԥсуа иахьыҟаз
инахәаԥшуаз, даздырхәыцуан аԥсреи аԥсҭазаареи,
ауаҩы иаамҭа акьаҿреи, наӡа­ӡазтәи аҟазаареи.

Абра джын Арзаҟангьы... Ес-уажәааны, уи инышәын­
ҭра, аҵаа ҟәашӡа иақәҟанаҵан, аҵәақәа шықәыз рба­
лон. Машәыршәа арахь иқәнагалоз ахәыҷқәагьы ир­
зыгәаӷьуа­мызт асҟак зхыҵуаз анышәынҭра ҭабга
аханы иҟаԥшь-ҟаԥшь­ӡа иқәыз аҵәақәа рылакьысра.
Ус, жәык баҟы-саҟуа џьара арахә ршьапхыц змаахац ҳаскьын збозар ҳәа ақьышә нышьҭакуа ишнеиуа, аҵәақәа ианынархагылалак, иазгәам­ҭаӡакәа аӡы
иныҽԥынгылазшәа, иаразнак иаангылоит. Иџьа­шьа­
ны инарфыҩуеит, нас абз џьаџьа ду ашырқьҳәа инар­
хь­шьуа, уи ианҵаны руакы шьҭнахырц аҭахуп, аха
акраамҭа аҵәақәа ахьҟәазу аҟнытә аҿы иазҭагӡом.
Аҵыхәтәаны, иаулак, аҵәақәа руакы ҟәаҟәа-чаҟәан
аҿы иҭанаҵоит. Ахы раҳан, аԥынҵа гәаҩарақәа ҭыр­
чаауа, акыр иаадха­лоит уи арҟәыцра. Нас, ашәах аҿы­
ҵач, иагәарԥханы аҿамҟәара иналагоит.
Арзаҟан итәы анаалгәалашәа, Шьасиа илыӡбеит
иахьа уажәраанӡа Хьыфа лхала дызхыз аҩны шыҟоу
илымҩатә­ны дцар. Ла лышҟа анеира лзымгәаӷьыргьы,
иамуӡар ма лаш­ҭа дынҭаԥшып.
Абриаҟара шықәса ҵхьеит, аха иахьа уажәраанӡа уи
лымӡарха лшьапы налзықәмыргылацызт Шьасиа... Да­
цәшәон уи лынасыԥ дахькылнагаз, илзаанагаз абара…
Шьасиа убарҭ ахҭысқәа рахь дхынҳәны дрызхәыццыԥ­хьаӡа, еиҳа-еиҳа агәра лгон, Хьыфа Арзаҟан бзиа
дшыл­боз.
Аҩны гәгәаӡа, иаакәыршаны иҟаз ашәаԥыџьаԥ
инарыл­ԥшуан. Аҵла дуқәа рышәшьырақәа ихырҩаӡон.
Аԥенџьыр аҟынтә иҭааӡа лашарак кылԥшуан.

Шьасиа игәаӷьны ашҭа данынҭала, еилылкааит уи
лахь анеира шлылымшоз. Унеир, улацәажәароуп. Уи
лацәа­жәара зхызго дабаҟаз! Шьасиа илылшомызт, еи­
ҳарак уажәы...
Аха ус лхәынгак џьара днахәаԥшыр цәгьа илбомызт.
Лыԥсы ӡаны илашоз аԥенџьыр днадгылеит.

Ажәытә уаџьаҟ излаҟаҵаз ахаҳәқәа ана-ара еилабганы ишыҟазгьы, лҩа аунашьҭуамызт, амца лаша-лашо иҭан. Хьыфа, ҭаҷкәымк даҟарамшәа лҽеимаџь­
гәан, лхы лықәы­жь­ны уи ауаџьаҟ аԥхьа асқам лаҟә ды­
қәтәан. Лылахь иҭа­халаӡан илхаз лкасы еиқәара, лхылҿы ҟәашӡа иаҵԥш­уан.
Ауаџьаҟ акәша-мыкәша нышәыргәын, аԥенџьыр
иахьа­зааигәаз ихӷәын. Убри аӷәрахьы игылаз астол
дад­тәалан Хьыфа лашьа.
Ихахәы жәпа хәыц еиқәаҵәа аламкәа ишлахьан.
Шьа­сиа уи раԥхьа данылбахьаз еиԥш деилфаҷа ды­
ҟамызт, ицны, имгәацәа кылышьшь дтәан, ихы-иҿа­
хьгьы акыр деихә­лаҳахьан.
– Уажәоума санышәгәалашәо, Миха? – лҳәеит Хьыфа. Уи лыбжьы лымӡааӡан, ихымыжьжьаӡаз, илиааиз
агәырҩа ишаҵазгьы, итатаӡа иҟан.
Шьасиа лылаӷырӡқәа лгәы инықәҵәеит.
– Убас иҟоуп, саҳәшьа рыцҳа, аԥсҭазаара… Сара
сдоу­ҳала иҟалаз џьыбшьома? Ауаҩы зны дҳәаԥсахоит,
зны – длаԥсахоит…
Уи Шьасиа данылдырқәоз еиԥш аҿаца-ҿацаҳәа
дцәа­жәомызт, ибжьы ақыдреиԥш еиқәаҳан иҟан. Уеизгьы угәы ааб­жьнахыртә, угәы иныҵаххратәы АКЫ
алҩуан уи ибжьы, икәша-мыкәша иҟоу рҭынчра, риа-

шара, рқьиара еснагь иа­­­ла­цәиршәаларц азы амгәар­ҭа
иҭганы адунеи иқәигалаз­шәа.
– Ус акәзар, саргьы шәысҟәаҵ, аиашьареи аиаҳәшьа­
реи зшаз дсыман суҳәоит… Уажәшьҭа дук нызҵуа
сакәым, сышәмыргәаҟын, сыԥсхашәымшьын цәгьала,
иҭышәым­хын ишәыцәҭахаз сыԥсы ацәаҳара! – Хьыфа
лхы шьҭымх­ӡакәа дцәажәон, аха еиҳа-еиҳа деилашәон.
– Убри ами саргьы исҳәо… Бхала быгәгәаӡа ақьаԥ­
ҭажә бахуп, арахь быԥсы ахәыц иакуп, уаха бахь­
нышьҭало ак быхьыр?..
– Зегь дара рами…
– Егьа бҳәаргьы, сара башьа соуп, еиҳаны згәы
бзыбы­луа уаҩ дбымам… Иахьа уажәраанӡагьы ас бын­
сыжьуа­мызт, аха быҷкәын игәы сшаҭон.
– Уаҟәыҵ, Миха! – лхы ҩышьҭыхны лашьа днеиҿаԥ­
шит Хьыфа. – Усшәиуам. Уԥсыр сҭахым, «Ашьа ул­
ҵааит» ҳәа гәанылагь исымҳәац. Уара сыхәда уаӷра­
гылазаргьы, унапы сыхәда иакәуршошәа исыԥхьа­
ӡон… Ҳаиҭымцәан, ҳаи­бааӡахьан… Иугәаламшәои, уа­
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҽыкәаҳа - 17
  • Büleklär
  • Аҽыкәаҳа - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3661
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2510
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3688
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2476
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3644
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2527
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3664
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2441
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3657
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2494
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3617
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2382
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3674
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3732
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2509
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3708
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2377
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2359
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3715
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3639
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3632
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2415
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3748
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2495
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3786
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2467
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3642
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2423
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3716
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2382
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2357
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3638
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2458
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3621
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2472
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3639
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2440
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3686
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2390
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2419
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3072
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2115
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.