LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аҽыкәаҳа - 14
Süzlärneñ gomumi sanı 3748
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2495
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
акгьы иалаҳәаӡамкәа уи аишәа иҽахарԥсны дшаха
тәаз, иара дгылан дызцомызт.
– Дад, – иҳәеит Кадыр дызцәыԥхашьо акы иҳәарц
иҭахушәа, – уара иумдыруеи Басиаҭ иҵәақәа, ибаҳча?
– Ишԥасзымдыруеи…
– Изакә мазароузеи, изакә хааӡагоузеи! Иалихуазеи
уи, зцәеи зыбаҩи адӡылахьоу ауаҩы?
– Иалихырц иҟаз?
– Убри ауп иуҳәашагь. Иумбо ажәа шыгәнукыло,
ушазҵааз! Аибашьра аан, ашьҭахьгьы, Басиаҭ иаб
жьызгахьан, зныкымкәа, ҩынтәымкәа иҭирц, иҭи
ларц… Иаҳҳәап, сара шьапықәҟьала исиҭар, иаргьы
исырхәон, саргьы схы иасырхәон… Аха, «алацәгьа иа
гьафомызт иагьаҭиуамызт» ҳәа, уи атәык уҳәар иу
ӡомызт… Иахьигоз уара идыр абысҟатәи ҵәа… Иа
наамҭаз дашьҭалар, убри ибаҳча шықәсык иаҭныҵуаз
акәын иаҭахыз иԥа иҿыхра.
– Уи ишԥа… Иҿыхра?
– Абиԥазаҵә… Уаҳа иаб дызхьыԥшуа уаҩ димам…
Аха уи деиҭазҳәо даҭахын. Еиҭазҳәо дуашьам, дуаҳә
шьам, уара уахьуаҩтатоу азыҳәа ихы алеигалома уи…
– Аа… Ихы алеигалартә…
– Убри ауп иуҳәаша!.. Уажәы иара дынкаҳан дыԥ
сыр, дегьызмаха игатәны, ифатәны иаақәхоит… Изым
ԥыхьашәогьы уара идыр! Уи азкылԥшҩцәа рацәаҩны
иамоуп. Ара сара шьоукы здыруеит, ажьа аԥацәа ацәызӡо,
ахлымӡаахқәа! Анҭ ас акы рбаны ираҩрыжьуа иҟахума?!
– Уи сара изсоуҳәозеи нас?..
– Уара иуҭахымхари убри умазарц? Иуҭаххар,
сара уаасыцныҟәар, зегьы ҟасҵоит. Кадыр дшубақәо
дыҟаӡам, иубо аҟыргә акы ичақьқәахьеит. Уаҳа акәым,
– иҳәеит уи, ихысга нацәа ҩаҩаӡа Дигәа инеиҿеикын,
– сара абри ақыҭа, ари ақыҭеиԥш акыр рҿы игылаз
ара-ҵлақәа ықәган исҭихьеит. Ара-ҵла, ишубо иҟоу
џьумшьан – ихьуп! Уи агәаԥшь?! Даара ахашәалахә
асырҟаҵеит сара уи. Уиижьҭеи иабаҟаз арақәа, уажәы
ра-ҿарақәак рааӡақәеит акәымзар… Ршьапы ишы
қәгылаз… Аԥара аҿҿаҳәа иааҭыхны изурбалак, аура
шаха баала ианыркуеиԥш, днадгылан инапала иҵы
рҟаан иуиҭон. Ани зыӡбахә уасҳәо ҵәам, аха хьуп!
Ииашан ихьуп. Аӡын иҵәахы, аԥхын ицәырга… Сара
шьоукы здыруеит, уи еиԥш аамҭазы аҩынтәыхә, ахын
тәыхә урҭоит, ажәа умырҳәаӡакәа. Уи атәы уара хьаас
иҟоумҵан, аҭира сара снапы ианыз, я знаю свое дело!
– Исзеилкаауам сара, иуҳәарц иуҭаху?
– Акы злыҵуа абасоуп… Ажәа гәникылоит, дазҵаа
уеит… Уажәы иуасымҳәои… Басиаҭ дыԥсит, иаҳҳәап,
изтәыда закәанла инхара? Имаҭацәа! Урҭ ҩыџьа ыҟоуп.
Сара изуасҳәаз уара иудыруеит… Фыӡа рзы иҟамло
аҽыцқьақәа реиԥш! Дуҭахума – аиҳабы, дуҭахума –
аиҵбы…
– Урҭ уара унацәа ахьурхалак ицома?… – Дигәа игәхьаа изцәырҵӡан дыҟан, ари ииҳәоз ахымӡаах џьеишьаӡомызт, аха ихы дацәыԥхашьон дахьазыӡырҩуаз.
Уеизгьы акгьы ҟамлаӡазшәа азҵаарақәа иҭиуан.
– Аҳа, абри сара бзиа избоит! Цәгьа иубом, нас са
ра излеилыскааз ала? Аԥсаҭазы иҳәа, убарҭ иреиӷьу
ӡӷабк Аҩӡыбжьара ҩнаҭак дыҩнагылоума? Аус? Уи уа
ра узашьҭоузеи, иҟаҵоу акеиԥш иԥхьаӡа! Уара уажәа
сыҭ, уаҳа акгьы сҭахӡам… Егьырҭ… Аратәи унхара
саҳәшьа даахылаԥшлап, аҭакәажәгьы даауҟәылкып.
Нас, уара аҵеи духшап, анхара умандаз, имыцхәхар
ҳәа ушәома? Адунеи уазнангьы анцәа уҟаиҵандаз!
Угәы иаанамгааит саҳәшьа лзы исҳәоит ҳәа. Уаҳа схәы
ҷыжәқәа рыцәгьара сымбааит. Уи лтәы уадаҩым, уи
дахьыҟазаалак ауеит. Сара исҭаху – уара уеиԥш аҵеи,
абас исгәыцхәу аҷкәын, абзиа уақәшәар, унасыԥ уц
ныҟәар ауп. Сгәы иалоуп абас хырҳага алаӡамкәа абри
еиԥш амазара ахьыԥхасҭахо… Насгьы, аҽаӡәы изи
гарызеи уи?.. Сара убри акыр алсхып ҳәа исҳәозар,
ҳаҩны сымнаӡааит! Ус суцхраар, убри амал аҭыԥ иқә
ҵан, уаргьы иухәартә иҟалар, сгәы ҭынчхоит. Убас ан
цәа сишеит, уажәшьҭа иҿыцны схы сызшом сара…
Дигәа ихьаа ицәеи-ижьи рыбжьара аҳәызба ҵа
реиԥш ибжьалон. Иахьа зегьы изеизарц иҟазу, мам
заргьы есымша абри Кадыр иҩызцәа ауаа изымдырӡо,
днарылс-аарылсуа, дрыхәаччо, џьара ргәы нхар ҳәа
дшәаны ажәала ижьжьо дрылазу?!.
Акраамҭа ҿымҭ дтәан. Кадыргьы дӡырҩуа, Дигәа
ииҳәарызеишь ҳәа дтәан.
Дигәа дҩагылт. Кадыргьы иқьышә инҭасызшәа даа
наскьеит.
– Ее, дад, аԥсҭазаара мыжда… Ауаҩы иԥсы анҭоу
адыӷаџьа инаркуеит, данԥслак игәы ашәҭ ықәнаҵоит…
Убри аҟнытә…
Уи иажәа алгаха имҭакәа, уаҳа акы мҳәакәа, дыц
цакы-ццакуа дындәылҵны дцеит Дигәа.Амра акыр ианыласкьа, асы зҿаӡамкәа ицәыббылӡа
Аҩӡыбжьара иачхынгылоу ашьха-бжьарақәа, иҟазаӡоу
факирк иеиԥш аԥҭақәа рыхәлырхуа иалагеит. Урҭ аԥ
ҭақәа заҵааира ажәҩан ахь иҩаскьо, ахџьаџьеиԥш
ижәпаҳаҳараӡа, ипатҟәыр мацараха иааҟалеит.
Ашкол аҿы еизаны иҟаз ажәлар, «шәыҩнал» ҳәа
ҷкәынцәақәак нарылалт. Даргьы «агәырқь» дырган, аш
кол иамаз азал ҭбаахь рҿынархеит. Иаадырҭәит.
Азал аԥхьаҟа, аклассқәа рҟынтә иааргаз апартақәа
гылан. Уа инеины инатәеит Аџыр рҵаҩыс дзоухьаз –
аҩӡыбжьаратәқәа, изаҳаны иаақәаз, изаҳәаны иаар
гақәаз.
Ҳәарада, уи рҵаҩыс дзаухьоу зегьы ара иҟамызт.
Урҭ ара иҟамыз рахьтә зынӡа иҟаӡамызгьы рацәаҩын.
Ашьҭахьшәа џьара днеины днатәеит Марица. Аҷкәы
нцәа, аӡӷабцәа, зарԥысрахь инеихьаз, иҵегьгьы инахы
ҳәҳәоз, апартақәа ирзымкуа, ирыбжьамӡо, лышьҭахьи
лаԥхьеи итәон, итәон, итәон. Лара днаԥшы-ааԥшуамызт,
аха иҩашьомызт исыватәарыда ҳәа дшыԥшыз.
Ахәыҷқәа рзы иҟаҵаз апартақәа иҷыжьҷыжьуан.
Марица ус ԥыҭрак лхала дтәан. Лышьҭахь итәақәаз
ҷкәынцәақәакгьы алафқәа налгәыдырҵеит. Дааԥы
шәырччеит, аха уахь дымнаҳәит.
Ус ҷкәынцәақәак, стол хәхәа дук аарган, апарта
қәа зынӡа ирзааигәамтәкәа, инаскьагашәа инадыр
гылт. Шьытеи аҽа ӡӷабки ақәыршә ҟаԥшь ааган ина
қәдыршәит.
Акраамҭа Марица лывараҿ иҟаз аҭыԥ ҭацәын. Ус
дааҩналт ԥҳәыс наӡааӡак, дҭәы-дыԥха. Дмыццакӡакәа
зегьы днарылаԥшуа, шьоукы днареихырхәо дшааиуаз,
Марица дагьлыхәамԥшӡакәа, лывараҿ аҭыԥ ҭацәны
иахьылбаз днатәеит. Марица уи лахь ихаз лызварак
лымҩаазшәа дтәан лыҽмырҵысӡакәа.
Ашьҭахьшәа уи аԥҳәыс машәыршәа дахьаахьаҳәыз,
лылаԥш Марица иналыдхалт. Марица уи гәалымҭаӡоу
шәа, дыхьшәашәаӡа лаԥхьаҟа дыԥшуан.
Егьыгь лҽырхықәымҵан акраамҭа ус длыхәаԥшуан.
– Марица! – лҳәеит уи зныкыршәа, лҽыргачамкуа –
ббеиахоит, бысзымдырт. Бышԥаҟоу?
– Сыҟоуп… Шәара шәышԥаҟоу? – лҳәеит Марица
деихаԥсы-еиҵаԥсы.
– Ус… Слеиҩеиуеит макьана…
Нас, иеисны итәоушәа, еихәамԥшӡо наҟ-ааҟ иԥшуан.
Марица цқьа дылгәалашәоит уи… Аҭоурых арҵаҩы.
Дара рышкол аҿы данааз дыӡӷабӡан, аха иаразнак лхы
длырдырт зегьы… Џьара акы зымпыҵҟьо, иакәым
замхаҟаҵоз ахәыҷқәа зегьы зыцәшәоз лара лакәын…
Адиректор изгьы лара илҳәон, акласс анапхгара азҭоз
рызгьы лара илҳәон… Зегьы лнапы ианызшәа… Зегьы
рзин лара илырҭазшәа. Аизарақәа рҿы? Уи ажәа ауаа
ра уаҩы илҭомызт. Егьараан дубаргьы аӡәы ицәа
ихылхуан, аӡы далҭон, диқәмақаруан. Ианакәызаалак
уаҩы имаҳацызт, уи, дҩагылан, лара илыдкылан илы
маз, илывагьежьуаз рахьтәгьы аӡәы изы ажәа-хаак,
гәыҟаҵагак лҳәеит ҳәа… Уи дцәажәомызт, дышуан…
Лыхәда адақәа ҭыҵны ицо…
Аха урҭ зегьы рзы мацара акәмызт Марица уи лыҟ
ны агәала хьанҭа злымаз. Ашкол лалгамҭаз ҷкәынак
бзиа дылбеит. Уи ҭеиҭԥшла жәҩахырла далырхуамызт,
аха лафҳәаҩын, ҵарык иакәын, дахьаауқәшәалак уир
гәырӷьон. Марица аҷкәынцәа рацәак илышьҭамызт,
лара лцәаҩала, аиҩызаразы мацара дахьрылаҳәцәоз
акәу. Урҭ иабардыруаз ианакәызаалак ҷкәынак дшыл
мыгәӡыцыз – аҽакакәым! Аха дыздыруаз аҷкәынцәа
бжаҩык, убри аҽакгьы далаҟоуп ҳәа агәра ганы иҟан.
Лҽеилаҳәашьа рзышьҭыхуамызт. Урҭ ирҭахын ақы
ҭаҿ, шамахамзар, зегьы шеилаҳәоу деилаҳәазарц. Зе
гьы иҟарҵозар, уи бзиоуп! Ус иԥхьаӡан. Аха лара – Ма
рица, ицәанаалази ицәанааламзи еиҳа илдыруан, зе
гьы иршәырҵоз лзышәҵомызт. Уеизгьы-уеизгьы зегьы
среиӷьхап, схы ӡырызгап ҳәа акәмызт ус зыҟалҵоз. Да
ҽакала дахәарҭамызт. Уи лара акы амоуп ҳәа дыҟа
ӡамызт, аха зегьы рылымкаа акы аҟаҵарагьы ахаҵара
аҭахызаап… Уеизгьы акгьы ланармыжьит дызлаз ауаа…
Уи аҷкәын амашьына дақәтәан, иныҟәицон. Лара
ԥшәымарҭаныс дахьыҟаз даннавс-аавсуаз, еснагь има
шьына асигнал днақәыӷәӷәон. Лара днеидгылаанӡагьы
даҟәыҵӡомызт. Акәша-мыкәша инхозгьы ндәылԥш
аадәылԥшлон. «Аҳа, дылзаахт» рҳәон ԥыҭҩыкгьы.
Иареи лареи шеицәажәоз, ишеихәмаруаз, инеиха
шәы ихәлон.
Зны абас иахьеиниаз, ахаан зылахь еиқәызымҵа
ӡоз аҷкәын иқәшәацәгьан дшыҟаз гәалҭеит.
– Марица, – иҳәеит уи аҵаахагьы даламгӡакәа, –
Марица, сара ус схы аԥша ҭоушәа сыббоит, аха усҵә
ҟьа сыҟаӡам… Саргьы схәыцуеит, саргьы сгәырҩоит…
Суаҩуп.
«Иҳәа иуҭаху, сгаӡа хәыҷы, сгаӡаҟәыбҷа, схьыр
ҵәаҵәа! – лгәы ҭгәырӷьон лара, – усҟак абаҭаху, уаҳа
ухала иузгәамҭаӡои?!.»
– Сара издыруеит бара бшысзыҟоу… Бара ибасҳәо
засҳәо ҩыза дсымаӡам…
– Иҳәа нас!
Иагьлеиҳәеит уи… Абыржәы абра илыватәоу бзиа
дшибауаз… Раԥхьа даақәлыргәыӷшәа ҟалҵан, уажәы
инаҿаршәӡаны мап шицәылкыз.
Абзиабара лашәыҵәҟьоуп!
Аурокқәа данрылгалак иақәыршәан, дааны ҵаҟа
дылзыԥшлон иара еснагь. Лара уи данылбалак, наҟ
лҿы хьарҳәны, лԥараҭра хьанҭа лнапы иахьахаршәыз,
ирлас-ырласны лыгәчамах ианҟьо, асолдаҭ реиԥш
лҽеидыԥсалан, ирӷәӷәаны днаивсны дцон. Нас иара
имашьына агаз анеиҭалак, аматор гәамҵ-хамҵуа алҩа
ықәырч иаархынҳәны, ахагара ззааз иеиԥш агәараб
жьара дныбжьахәашон.
Иара зны Агаҟа дахьцаз, амҩақәа ахьеихагылаз
ашлагбаум шарктәыз рхашҭзаап, дыҭҟьа аихамҩа са
хысуеит ҳәа дышнеиуаз, наҟстәи иаакылҟьаз апаровоз
днанҟьан, имашьынагь иаргьы уадышххыраха ицеит.
Шықәсык лҭыԥ дзықәломызт Марица. Шықәсык
ҩныҵҟала ашәы лшәын. Аха аамҭа иафеит, ихыжьжьеит лгәырҩа.
Аха абри илыватәоу лҵыхәала, зны лгәырҩа еи
ҭаҿыцхан, дырҩегьых акраамҭа лгәы иҭыхо дар
гәамҵуан.
Иахьа уажәраанӡагьы илхашҭуам. Усҟан, ари илы
ватәоу дганы акомҿар араионтә комитет акадрқәа
реиҳабыс дҟарҵахьан. Лара Марицагьы ара ахәышә
тәырҭакаҿы даарышьҭын, ашкол ашьҭахь илҵаз лза
нааҭ ала аус луан, медеҳәшьас. Шықәсык аҟароуп Аҩ
ӡыбжьара дахьынхаз, аха дыҟанаҵгьы аколнхараҿы
акомҿар организациа акомитет далан. Зны араиком
ахь акомитет иалоу аӡәы днеиразы аҭел иасит. Еиҳа
базыманшәалоуп рҳәан, Марица дрышьҭит.
– Аа, Марица, бара боума иаарышьҭыз?..
– Сара соуп.
Иабалдыруаз аус ахьлымаз абри лҿы шакәыз акәым
зар, арахь аара мап ацәылымкуаз.
– Бҩагылан, шәара шәорганизациа акарточкақәа
зҭоу аиашьчик ԥшааны, иҟоу иҟам, ицахьоу иаахьоу,
седроу, иԥсхьоу – зегьы ԥхьаӡаны, иҩны сара исыҭ.
Марица аиашьчик лыԥшааит, лус лнапы алыркит.
– Бласы, амарџьа, сшеф атчот имоуп, урҭқәа зегьы
ирласны иҭахуп. Абра хыхь иҽыҩнакны ажәахә аҩра да
ҿуп… – Уи уажәы-уажәы лсаркьа аацәырган, лԥынҵеи
лӡамҩақәеи асақә нарықәлырчачон. Зыхәда хьарҽрақәа
ҟатҟато, жәашықәса рышьҭахь змода цахьаз лыҵкгьы
аалырҽеиуан. – Ҳшеф, Марица, ҳақалақь аҿтәи аӡӷаб
цәа рхы еивигеит… Иаргьы иԥшнуп… – дааччеит уи, –
бара бҿы исымҳәаргьы ҟалон, аха еснагь ҳҵаҩцәоума,
ҳарҵаҩцәоума, ианбатәи усу!..
– Дыбзиахашт нас шәеиҳабы, ацәгьа ара ддыртәома.
– Иусураз акәу џьыбшьома… Аусгьы уи иеиԥш изуа
анцәа дҳаиҭалааит, аха изиҿынҵәаауа аҽакуп… Иб
лақәа! Мцоуп! Ихахәы еиларша иахьихагылоу… Ины
ҟәашьа! Ажәакала, ҳара ҳаҳәсахәыҷқәа бзиа ирбо дыр
дыруеит…
Марица дыԥшаауа, дыԥхьаӡо, иԥкаауа дышнеиуаз,
ани амашьынаныҟәцаҩ икарточка аалымԥыхьашәеит.
Ԥыҭраамҭак ус икны дахәаԥшуан. «Дыԥсит» ҳәа анын…
– Ари ишԥазаауеи?
– Ари зтәыда, ди-мыжда? – Баб итәыми, бан-мыжда.
– Иабазгари, ди-мыжда? – Шьаршьаф ақәыршә, банмыжда… – Санду иҟоу зегьы лдыруан, шаҟа слырҵахьаз,
аха исхашҭхьеит, – лҳәеит уи акарточка аалымхны
дахәаԥшуа, – хәылак, дылҭахәаша дышԥацеи… – иԥыл
жәарц ианааидылкыла, Марица ажәырқьҳәа иаалы
мылжәан, ирҽны лџьыба инҭалҵеит.
Уажәы дхаҟәӡа ара дахьлыватәоу, лывара кыдшәаа
уашәа лбоит. Усҟан зыӡбахә лымаз лшефгьы длеихьеит,
аха лара дыҟоуп.
Аҵыбра зцәымӷу иԥынҵа иҭиаауеит ҳәа, дызлыз
гагоузеи абри лара, лшьапы ахьааихылгалак?..
Ус, ашә аатын, иааҩналт: Аџыр, араионтә ҵара аҟәша
аҟынтә инспекторк, апартиа араиком аинструктор,
агазеҭ акорреспондент Суслик, ақыҭа аиҳабыра. Урҭ
рахьтә аӡәы-ҩыџьа рҟамчқәа еиҩырҿа иркын. Ашь
ҭахьшәа дааҩналт Ездора, деиҩаҳаҳа, ихахәаԥшь аш
лара иахьаҿыз аҟнытә еиҳагьы инаало, деилыԥха-еи
лыԥхо, ихы шьҭкәыцәаа. Уи иаԥхьа иааихьаз зегьы
дрылыҳәҳәон…
Аҵыхәтәан, адиректори рҵаҩцәақәаки ааин, ашь
ҭахьшәа џьара инатәеит.
Аџыр деиқәыԥшьыхаа астол агәҭа дшахатәаз дҩаҵ
ҟьеит. Уи Марица илыватәаз лахь ихы наирхан, напы
ла-шьапыла илирбеит уахь днеирц.
– Сыҟаз… Ара сыҟаз! – лҳәеит уи лыбжьы неиҵыхны.
Зегьы аахьаԥшит.
– Уаҳа баргьы бымсит, абарҭгьы мсит!
Ларгьы лыҽмырххакәа дҩагылт, лҽеидыԥсалан
уахь лҿыналхеит. Инеигәа-ааигәақәан Ездореи Аџыри
рыгәҭа днадыртәеит.
Марица аҵыхәтәан лылаԥш еиҵылхын днаԥшыааԥшит, аха илдыруаз, ҳаҭыр зқәылҵоз, аҵара лыцыз
ҵоз рахьтә уаҩ длымбеит. Ахәыҷқәа хәыҷқәан, урҭ
иац ихшәаз ракәын, аҭаҳмадцәа ҭаҳмадцәан… Егьырҭ
илдыруаз аӡәы ҩыџьа ыҟазаргьы, урҭи лареи еицәы
харан, аӡымшын ирнакыз реиԥш нырцә-аарцә игылан.
Ашьшьыҳәа дҩагылан, апартақәа дрыбжьысуа, ашә
ахь лҿыналхеит. Илбон астол иахатәақәазгьы, арахь
итәақәаз ԥыҭҩыкгьы рылаԥш хьшәашәаӡа ишлышьҭаз.
Дындәылҵын, ашә ныдлыжьлеит.
Ашҭаҿы, арахь иҩнамлақәаз шьоукгьы ана-ара еи
кәагылан. Ҷкәынцәақәакгьы рхылԥарч гьежьқәа ыр
наан, абыржәы икәашаны иаақәҵызшәа, ршьапқәа
надаада иргылан, ӡӷабцәақәак кҿацалан ирацәажәон.
Аӡӷабцәагьы рҽеибаркны иахьгылаз, ицәыҵаччо, зны
армарахь еицызазон, зны – арӷьарахь. Урҭ рыхцәқәа
қамызуа, зны арахь ирыцзазон, зны – наҟ. Ишԥаԥшӡаз
аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи уа еидгылаз! Урҭ данраҩсуагьы
дгәарымҭаӡеит, зынӡа ихеибагалан иҟан.
Даара акыр днаскьаанӡа лыбла ихгылан урҭ аҭыԥ
ҳацәеи арԥарцәеи рсахьақәа. Ихараз, игәыҿкаагаз
акы лгәаладыршәон урҭ. Илгәалашәошәа илгәалам
шәошәа… Лгәаҟынӡа инеиуан акы афҩы-хаа. Афҩыџьбара лԥынҵа арчыхәчыхәуан, лыблақәа арцәаа
куан… Лқәыԥшра акәхап уи…
М а р и ц а: Хадара зуа ауаа ирхьыԥшны, хадара
злоу ҳәа ирыԥхьаӡо ахҭысқәа џьара-ҩыџьара инары
лыҳәҳәан, нас инабжьаӡуа сиеиԥшуп сара. Уажәы
ашьшьыҳәа снықәлан сцоит амҩаду аҟынӡа, уа ма
шьынак саашьҭнахыр, закәыхи, сааҭк ала Ага сна
нагоит.
Нас, иахьахәлаанӡа амшын ахықәан игылоу апо
ликлиника хәыҷы сыҩнатәаз… Ачымазцәа рчымазара
аҭоурыхқәа зыҩлап, урҭ ирыхьуа лаҭын бызшәала иан
сгәаламшәалак, ажурналқәа аарҳәны, ԥаса изыҩқәаз
снарыхәаԥшны исгәаласыршәалап. Ҵыԥх узхысуаз
сынтәа уаҵԥоит ҳәа… Насгьы, ишԥеиԥшу ауаа ирыхьуа
ачымазарагьы, ҵыԥх ирыхьқәозгьы, сынтәагьы, ҽаан
гьы ус акәхап… Цахәгьы!..
Аҩны санааилак, саби сани макьана ирыланы, ргәы
бзианы адиван татақәа, акресло татақәа ихәаԥ-хәаԥӡа
иахьрынтәало снарыватәалап.
Саб исеиҳәалап аус ицызуаз рахь, иара аӡәзаҵәык
шиакәу хьаҳәа-ԥаҳәа змамкәа апенсиахь ицаз, изықә
нагоз апенсиагь заҭәаршьаз.
Санқәыԥшыз, џьарак атәара сара сзы ԥсрак ианаҩы
заз, сындәылшәан руӡомызт… Уажәы сара џьаргьы
ацара сҭахым, дара мчыла сдәықәырҵоит…
– Ибымоу иреиӷьу бышәҵа, «аӡәызаҵәык ирымоу
гьы дрызныҟәымго» ҳәа ауаа ҳхыччо ҳҟабымҵан! –
рҳәоит урҭ, сара џьара санцо.
Урҭ рҳәара сҭахӡам, сара сҽеиласҳәароуп, аха дыр
ҩегьых аӡәы акы рзиҳәар, рыхьӡ ирцәгьар ҳәа иах
ӡыӡаауа ианалагалак, исцәымыӷхоит. Аха уеизгьы
ирыцҳасшьоит… Урҭ роуп исымаӡоугьы.
Абар, иахьагьы абра саан, схы надырбаны сцоит, сыз
гәалашәо, сызбахьоу рхәыҷра, рқәыԥшра атәы иахьаз
хәыцуа срыцхраарц сҭахны, уаҳа ус сымамшәа. Сара
схәыҷра, сқәыԥшра агәаларшәара аҭахым џьушьап.
Уажәыгь, арҭ ахҭысқәа схы аарылсырҳәҳәашәа зун,
нас снарылаӡ сцеит, сцаӡеит… Уаҳа уажәшьҭарнахыс
ара исхызгаз, схәыҷра, сқәыԥшрахь схынҳәӡом, ауаҩ
избжа анимнахуеиԥш, сыԥсҭазаара иаҟәыԥсаауп. Аха,
иара имԥсааз избжак ауаҩы иблала ианибо, ишихьыз
акакала ишигәалашәо еиԥш, зегь збоит, зегь сгәа
лашәоит, зегь еилыскаауеит. Ирҳәоит, азҩа маӡа уаҩ
дагоит ҳәа, аха азҩа умҵәахӡакәа уагаргьы, иуӡаргьы
– зегь дара роуп.
Уажәы убра иааҟало зегьы здыруеит, убри аизараҿ.
Шаҟа еизара, шаҟа еилатәара, шаҟа ажәа ԥсада ауар
дын абарбалеиԥш иахысхьоузеи уи «исымҩан иҟоу»
сызбжак.
Уажәы уа аизара ааиртуеит ашкол адиректор. Уи
днахыкәша-аахыкәшашәа иҳәоит акыр шаҵанакуа,
рҵаҩык изыҳәа абасҟатәи уаа ршьапы иахьықәгылоу.
Иахьа шгәырӷьароу, иахьа шиубилеиу Аџыр изы, дар
гьы иахьала ирхадыршҭырц шырҭаху уи апенсиахь
дышцо…
Аха иара Аџыр дахьтәоу иҽмырҵысӡакәа, ихы-иҿы
ианмырԥшӡакәа, игәаҿы иаацәыригоит адиректори
уи иҩызцәеи рзы иҵәахны имоу аихаҵәы хьшәашәа.
«Угәырӷьоит сахьуԥыруго, уи акәын уаргьы иуҭахыз,
аха баша угәырӷьоит… Уара уҭыԥан сара исҭаху аӡәы
дықәыргылан, уара дырҩегьых ааҵрахь уаансмы
жьуазар, Аџыр сакәым…» – игәы иаанагоит уи.
Ишьҭеиҵарц иҭахӡам уи иҩныҵҟа иҵәаху аихаҵәы
хьшәашәа.
Акыр шықәса уии иареи маӡа-аргама еишьҭан. Ус
ҟан директорс ашкол иамаз Аџыр иакәын. Уи зныказ
убасҟак дҭыргеит, араион ахь ақыҭа азы акы еилыркаар
рҭахызар, иара иакәын раԥхьа изызҵаауаз… Иара
ииҳәоз иагон. Избанзар, ауаа иман, насгьы анкьа аш
кол аҿы идкылан имаз иҵаҩцәа аӡәы-ҩыџьа «ауаа
рахь икылсит». Ездора иакәзар, зныказ араион аҿгьы
ишьапы ықәмырсӡакәа, дышиашаз Аҟәа дыргеит.
Аџыр, архатәи ашкол быжь-класстәи школны иаа
ҟаҵан, абжьаратәи днахан, иара рҵаҩыс дахьыҟаз ахь
иҩеигеит. «Ароуп раԥхьаӡа ашкол ашьапы ахьаҳкыз,
аӡы ахьышьҭрахь ицоит!» – иҳәеит уи усҟан. Иаарласны
директорсгьы иара дҟарҵеит.
Уажәтәи адиректор ашкол аҿы аҵара аҟәша деи
ҳабын, аха сара стәык сҳәоит ҳәа даналага, Аџыр уи
даамихт. Уи аҵаҩцәа рзы дыбзиан, рҵарадырра, ркуль
тура, рыԥсшьара – зегьы ишақәнаго иҟаиҵар иҭахын…
Ахәыҷқәа аӡәаӡәала идыруан, дрызҿлымҳан…
Аха уи иҳәан, егьи имуит… Иагьалагеит бӷарҵахьы
аиқәԥара… Аҵаҩцәа згәалашәодаз, аурок урокын, иҩ
налон, иҩныҵуан, кәрыжәаа ирықәлаз хәмаррақәак
рыхәмаруан. Аколнхара аплан рзынамыгӡар (уи ес
нагь ирзынагӡомызт), агәырқьҳәа амхқәа рахь ицон…
Аха араион аҿы ашколқәа зегьы дырҩегьых аҵарахьы
ихынҳәуан иара ҳашкол еиҭа мызкы аӷьарақәа ирхын,
ачаи радқәа ирыбжьан… Аџыр зегьы дреиԥшхар ҟа
лозма! Нас, ахәшьарақәа рҿы ианнеилак, идыдмыр
ҵазгьы аларҵон, изхьымӡазгьы рыԥхьаӡон. Аџыр дыз
хагылоу ашкол аҵара ахьӡаразы 100% иреиҵахар ҟа
лозма!
Абас, уажәтәи адиректори, иара идгылаз аӡәи-ҩы
џьеи Аџыри бӷарҵахьы еиҭеибакуан…
«Ҩ-рык еибашьуан Кәымӷьас дрыбжьаԥсуан…»
Уажәы уа аизара аилашыҩкымҭаҵәҟьа акәхап.
Араион аҟнытә аӡәы дықәгылашт. Нас, ақыҭа аиҳа
быра рахьтә – аӡәы. Иҟамчы еиҩырҿа икны, ԥсахра
зықәӡам ақыҭсовет ахантәаҩы иакәхап. Нас, ахәыҷқәа
рахьтә – аӡәы, уи Аџыр рҵаҩыс дызмоуц, харантәи
дыздыруа. Ахәыҷы дхәыҷуп, уи лажәа иалаҵан ил
ҳәашт: «арҵаҩы», «аҳәыҳә», «анасыԥ...» Нас дықә
гылап аҳәса рахьтә УИ… Лыхәда адақәа алҵны арахь
иқәтәашт. Лара, хымԥада, илымҳәарц залшом ихьа
ҳәуаз, имараҳәуаз, арымала ашьапеихгара ҳәа изышь
ҭоу ахәыҷы «чмазарақәа» рақәԥараҿи Аџыр ихы шим
шаҭоз, иламыс дшамеижьоз. «Ақәԥара» ҳәа анырҳәо,
сара иаразнак сцәа сааҭаӡыӡоит, бӷарҵахьы ақәԥара
аасгәалашәоит. Аламыс! Шаҟа ирыцҳаузеи уи изабалак
бзы-рхаагас ианыҟарҵо.
Нас, ҳәарада, дықәгылашт Ездора… Ҳаҭыр ақәҵа
ӡан, аиубилиар (ари ажәа имҳәар ҟалаӡом уи) абзеира
иргаӡаны. Аха егьа ус акәзаргьы, урҭ зегьы ирҳәо акоуп…
Иахьугалак… Урҭ ражәақәа ҩызхьеит, еихаԥсыхәк ззым
хӡо амақьеиԥш. Иазыӡырҩуагь ус илбаардоит…
Ацәгьара атәы акәзаргьы, абзеира аваргылатәуп
иадкылатәуп. Цәгьаразаргьы бзиаразаргьы иара иаҿа
гылоу, иаԥырхагоу анаацәыругалак, ахышәара-аҵы
шәара зегьы шеибгоу уаԥхьа иаацәырҵуеит.
Аха изимҳәозеи, ианаџьалбеит, иҟаз аиаша, иԥыр
хагоузеи, днызкылозеи, дҿазҳәазеи?! Абас, игәы иҭам
ихы иҭам уалбагас изиҳәозеи уи адиректор?!
Абар, аҵыхәтәан еснагь иқәгылац рахь аӡәы ибжьы
аӷьара-ӷьараҳәа слымҳа ҵнахуеит.
Иаҳәац аҳәоит, иаҳәац аҳәоит…
– Бабараа, – дналагоит Џьарма, акраамҭа ихәыҷ
қәа имбацкәа, дахьааҩналаз ихәда рҽахарԥсазшәа,
– дадраа, схәыҷқәа, сашьцәа, суаажәлар, шәыххь сара
изгааит, дадраа! Сахьшәыхәаԥшуа сгәы азҳауеит, сеи
ҭаҷкәынхандаз ҳәа сыҟоуп!
Узашьҭамзеи!
– Убасҟак шәыбзиоуп, убасҟак шәхаауп, убасҟак
шәыԥшӡоуп! Сара адунеи хызфаахьоу ҭаҳмадак, иахьа
сахьшәыхәаԥшуа сшәеигәырӷьоит…
Ихуфаахьазаргь ҟалап…
– Сылаӷырӡ мыждақәагьы арахь ишәсырбарым,
шәара шәгәырӷьара сырхәашьрым, аха уеизгьы урҭ
аҳәҳәыҳәа сыҩныҵҟа иҭаҭәоит. Сара схаан, дадраа,
цәгьаран. Ииааиуа-еиҵеиуа ҳәа еилан. Ҭауади-аамсҭеи
ҳахәда иқәтәан, аҳәынҭқар дықәтәан, абжьарауаа, ин
кыдҳәыла-аакыдҳәыло идәықәыз амцәаӷәача – зегьы,
аха змаз зегьы, зытәӷәы ааимҿызхуаз зегьы…
Анхаҩ ауӷә даҵакын, аихатә уӷә. Алашьцара дыҵа
кын аҟәарҭ еиԥш. Дгәаҟуан, дрыцҳан!
Уажәы, дадраа, аҿар, жәҩангәашәԥхьара шәзыл
бааԥшны шәыҟоуп. Шәахьцалак шәымҩақәа аартуп,
илашоуп шәнапы ахьышәҟьалак ишәҭаху шәԥыхьа
шәоит, қәашьс ишәымаз ҳәа адунеи шәырҭеит.
Абас Аџыр иеиԥш иҟоу ауаа роуп, дадраа, шәгәахә
тәы шәахьӡо аҟаҵара иацхрааз. Аџыр, анхаҩ иԥа, аԥх
ӡаша здыруа, амазарагь здыруа, амамзаарагь…
Сара, аиаша шәасҳәап, схәыҷы (уи анцәа дсимҭеит
акәымзар) абри иеиԥш иҟоу ауаҩ инапаҿы даныҟоу
сарӷьажәҩа сықәиоит, сгәы раҳаҭуп.
Аџыр иҟаиҵаз ахаҵара, ахаҵара ду ҳәа изышьҭоу
ауп. Уи ашәа зхырҳәааша уаҩуп, аԥхьарца ианырҵаша,
ачамгәыр ианырҵаша!
Аџыр, дад, сара, ақыҭаҿтәи анхаҩыжәлар, иахьу
хьуа дырны знапы ақәызкуа, аиҳабацәа рыхьӡала
иуасҳәоит: иҭабуп, ҳҩыза, ҳаԥхьагыла… Иҭабуп, аџыр
иаҩызоу иҭабуп, дад, иҭабуп, ҳаҷкәын, иҭабуп, ҳахьӡ
шьҭызхыз, ҳҵеи!
Уи дкәашаны даақәҵызшәа, итәарҭахь дцашт.
Аха, сишь, изакәызеи аууҳәа еилоуп. Инцәыҵаччааацәыҵаччоит. Аизара мҩаԥызгогьы, иникылар, ир
ҭынчыр иҭахуп, аха изоуҳәода… Аԥхьаҵәҟьа итәоу
ауаҩ бырг нырҳара, илабашьа иахарсу аихаӡа аҽыҩҽыҩҳәа аӷәра иалаикшоит ирыцҳамшьаӡакәа…
Ибзиоуп, иахьа иубилеиуп, аха уаанӡа акәзаргьы
знымзар-зны иҩагылан изырымҳәозеи абри дықәы
жәга наҟ ҳәа. Уи еизарацыԥхьаӡа икәымжәӡырӡ даҵа
ҽырбо дықәгылоуп, еснагь абыржәы ииҳәаз ауп ииҳәо.
Ицәгьаразаргь, ибзеиразаргь, игәырӷьаразаргь,
илахьеиқәҵаразаргьы, – уи далхны дрымоуп… Иқәгы
ло рахьтә, абыргцәа рахьтә аӡәы ҳәа…
Нас?...
Нас иара Аџыр иоуит ажәа…
– Суаажәлар, сҵаҩцәа, асасцәа шәыххьзгеит, – дԥы
шәырччо дналагоит уи, – иахьа абра, сара саԥсаӡамкәа,
абри аҟара ҳаҭыр сықәҵан, – дааҭгыла-ааҭгылан, ади
қтант дирҩуашәа, «абри цқьа игәнышәкыл, шәхы иҭа
шәыгӡа» иҳәарашәа даҿуп, – суаажәлар, ишәеиӷьасым
шьаз сылашара хәыҷы, аҟара ахаргылан шәахцәажәеит,
сҳарашәкит, сгәы ҭыжәгеит… Зегьы насхаршҭны, сша
жәызгьы насхаршҭны, абасҟак пату зқәырҵаз сџьабаа
сеиҭахысындаз ҳәа сгәы аҳәо сҟашәҵеит.
Анцәа иумҳәан!.. Анцәа иугәеимырԥхааит! Уара
уеиԥш иҟоу ауаа ихәмаршәа ирҳәо аныхәмар-хабыҟә
хо еиҳауп… Анцәа ирыцҳашьа, аҷҷаҳәа абра иҩнало,
зышәҟәҭрақәа иркапануа, згалстук ҟаԥшьқәа зхы-зҿы
амцеиԥш ианыԥхо ахәыҷқәа. Иазхоуп! Урҭ ргәы цәым
ҟьароуп уажәшьҭа!..
Аха анцәа имшала уи иажәа ааирҳәит.
– Ахьышәҭҳәа сҩаҵҟьап ҳәа сгәы иааснаҭеит, аха…
– изыӡырҩуа иччаԥшь нараҭәеишьоит уи, – саныҩеи
ха, сшьамхқәа сара ишысҭахыз исхымхәыцт.
Сгәы ҷкәынзаргь, схаҭа сымч ишсыцнанамгоз
снардырт.
Аха, сара исҳәарц исҭаху убри ауп, иахьа абра иаар
ҳәоз зегьы шаҟа сара исызку аҟара, шәаргьы ишәыз
куп, избанзар, ҳара еилых-еилаҵа ҳамаӡам, ҳаибааӡа
хьеит. Ԥуҭк инеиҳангьы аџьыка еицаҳфахьеит шәареи
сареи, сшәыкәыхшоуп, сызлоу суаажәлар!
Саргьы саагылазар, сҩыҵшәазари уажәи рыбжьара,
скәыкәы-цыкәуа сызҿу, аӡәы ихәарҭахаша, суаажәлар
реидара зырласыша, ргәы ҭазҵаша акы џьара исзы
ҟаҵандаз, ашьапы сызкындаз ҳәа акәын. Убри акәын
исыҵасуазгьы, аус сзыруазгьы.
Сара схы здыруа саныҟала инаркны, насыԥхәрас
исшьон еҵәак. Уи аеҵәа иахьӡуп аиаша. Уажәы сар
гьы ҿыӷәӷәала сгылан исҳәоит уи ахьӡ, уи аӡбахә.
Аха аҿарацәа ирдыруазааит УИ ахала ишымаа, даара
ишуадаҩыз, ишыцәгьаз аиқәырхара, аус азура. Хаала
акәымкәа, мчыла иангатәыз аамҭа шыҟаз. Ажәакала,
сара саагылазар сызҿу, сҽыззысшәоз аиаша аиқәыр
хара акәын. Абри сџьабаа хәыҷы зынӡа имыӡит ҳәа
сыҟоуп, уи наунагӡа агәра снаргеит иахьатәи амш,
иахьа абра ирҳәахьоу. Уи агәра сшәыргеит иахьа абра
итәоу, абыржәы исҳәо заҳауа, суаажәлар, схәыҷқәа,
сысасцәа.
Уажәы абра итәоу дырралагь, лашаралагь, иаахжәа
ны иуҳәозар, сара саахәан сызҭиуа сҵаҩцәа рылагь
агәра угартә иҟоуп сџьабаа шмыӡыз… Ус анакәха, сара
насыԥ змоу среиуоуп!..
Сара шаҟантә дахьтәаз снеиԥхьахьаз… Шаҟантә,
ихимхӡоз ихылԥа абарҵа дыҵыԥшны дсыхәаԥшхьаз,
ҳаӷеимшхара, абыржәы ашкол амца нацраҵаны сныҩ
налазшәа. Шаҟантә, шаҟантә, шаҟантә!
– Ибшәу шԥаӡаху, бышԥеибыҭақәоу!
– Иахьа акаридор банбжьагылаз, бышԥаччоз!
– Баб азин сиҭеит бара ибылсыцҟьаарц АНИ…
(Иарбан АНИ… Иарбан?!)
– Ишԥыкәу!..
– Ишԥабгәыӷьи!..
– Ибшәу шԥаҟоу?…
– Ибхоу шԥацәыршәагоу?!..
Аизарақәа рҟны снаԥхьан зегьы ишраҳауаз, исеи
ҳәоз аҵкыс еицәоу сеиҳәон.
Сызбжак смыхәо сҟаиҵазаргьы, уи сара схаҭа си
зымшьит, сгәы изԥымҽит, аха сара егьырҭ рҿы сишьит,
егьырҭ рыҩныҵҟа, рхәыцрақәа, ргәыблра аҿы…
Зегьы лахә-лахәы исышьклаԥшуа иҟаиҵеит.
Иара убас шаҟаҩы ыҟоузеи, зхәыҷра зыӷреишьыз.
Урҭ ахьуԥылалак, иахьақәшәалак, рҿы анааихырхуа,
рыбжьы аҵлагәаҩа иҭыҩуашәа ауп ишуаҳауа, иараз
нак иудыруеит. Иуԥылоит, иувсны ицоит, иуԥылоит,
иувсны ицоит… Арахь, рыхқәа хьыхәхәа ахәыҷқәа
шьны урҭ рыҩныҵҟа иҭоушәа убоит. Дара уажәшьҭа
ахаангьы ирзеилкаашам ирыхьызҵәҟьа… Убри азоуп
уаҩы изреимҳәогьы…
Убарҭ роуп иахьа иара хыла идныҳәаларц иааз рыб
жаҩыкгьы.
ЕГЬЫРҬ, иахьа ара иҟам, уи ашкол ашә зшьапы
хганы, акгьы иаҵамхакәа ицаз рахьтә шамаха, иара
ақыҭаҿ инхоны ус инеиқәаз рыда, уаҩ дыҟамызт. Урҭ
реиҳараҩык ыҟам, зынӡа иҟам, аибашьраҿ иҭахеит…
Ма аҽаџьара. Ишиашаз, ишыцқьаз… Урҭ рыԥсҭазаара
хәҭа-хәҭала еиҿыршәшәаны – рхәыҷра, рыҷкәынра,
рарԥысра – ар ду, ирыкәшан, еиҩшаны, еицәырӡны
ианындырҵәо еиԥш, иузшьуам. Ианыҟоугьы ишеибгоу
иҟоуп, ианҭахогьы ишеибгоу иҭахоит. Урҭ рахьтә
зыԥсы ҭаны инхазгьы иахьа ирҭаххомызт, ҳәарада,
аха ирҭаххазаргьы ааха роуамызт. Урҭ иреиԥшу еснагь
хырԥашьа змам уск раԥхьа ишьҭоуп…
Адунеи зыԥсазиз урҭ иреиԥшу ауаа рыда!..
Сара ароманқәа рҿы хҭыск иадҳәало аӡәы сиҩы
зоуп, схы ҩалырҳәҳәан, сҽаадсырбоит, нас сеиҭаналаӡ
сцоит, уаҳа уи нахыс џьаргьы схабар уаҩы иаҳаӡом.
Еснагь, исҭахын сцамҭаз ажәеинраала саԥхьар. Сара
саниз исыцизар ҟалап ажәеинраала. Аха уи сыҩныҵ
ҟа иҟан, абжьы саҳауан, арахь ахала ицәырҵуамызт,
сара сахӡыӡаауан, сқьышә инықәыххыр, инықәшәар,
иахьынкашәо иԥсыр ҳәа сшәо, убасҟак иԥшқан, убас
ҟак исабиин уа макьана, аӡҟы иан лымгәарҭа аԥхара
шиҭаху еиԥш, сыԥхара аҭахын, аира аанӡа иир ҟа
ломызт…
Мап, сара исҭахӡамызт, ароман ахы инаркны аҵы
хәанӡа иалоу, ахадара змоу аӡәы сиеиԥшзар. Сара ис
ҭахын џьара сахьцәырҵуа, ажәеинраала сҳәарц…
Ацәҳәыра иқәнакыз, аӡаӡа иқьышә аналаирцәааклак,
иӡышра еиҳагьы ишацнаҵо еиԥш, иазӡышо даԥшаартә…
Ишԥасҭахыз ажәеинраала саԥхьарц… Аха сықәхацәеит,
сара ус иаабжьаршәны иадырбо аӡәы соуп… Макьана,
ишыжәбо, хадара змоугьы абжара имнеиц…Амра аҭашәарахьы ахы анарха, ашьхақәа «ирҿыр
хыз» аԥсҭҳәақәа еиманы игәагәо ажәҩан иааҵалт.
Амраҭашәара ианубаартә икылԥхаз ашәаԥшь, хараб
ӷьара ажәҩан иаҵаз аԥсҭҳәақәа ахьымӡацкәа, иҵыкка
иҟаз амшын аҵа иҵаршәын.
Дигәа аҩны дандәылҵ, џьара ихы ақәымкыкәа,
амҩаду данылан дцон. Шьоукы анивсуаз аԥсшәа иар
ҳәеит, шьоукы ишьҭахьҵәҟьа амашьына ааныркылан,
ицәҳашҳауа, амҩа ахыцԥахьала ивсны ицеит, аха изус
ҭцәаз ҳәа днарыхәамԥшит. Акрыфарҭа дазааигәахо
даналага, ауаа рацәа рышьҭыбжь иалҩны, акаҩ-акаҩҳәа
Цуца лыбжьы иаҳаит. Иаразнак амҩа дымҩахыҵын,
адәеицарса дахьнықәсыз, аккара дныҵалт.
Заҵа днаскьацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа ҭынчрахон акка
раҿ. Ԥыҭрак дцахьан еиԥш, ҽқәак рышьҭа ҿыцӡа
даахагылеит. Еилалан аккара иҵажьыз ҵыԥхтәи аб
ӷьыжә ҭарҽыло, аҽеимаа сахьақәа гьежь-гежьӡа иан
ҵаны, ҽ-гәарҭак ииасхьан абра.
Аккара дҩылшәарц акгьы игымкәа, аҽқәа рышь
ҭыбжь иаҳаит. Дааҭгылан дӡырҩит. Иналкааны уажәыуажәы аҵықь-ҵықьҳәа ҽык ааҩнакьыркьыруан. Гәыр
ӷьа-еилахара дук ианиазшәа уи қәырқәыруан, икьыр
кьыруан.
Ақьақәақәеи аҽанқәеи еишьҭоуп…
Аккара дахьҩылшәаз, адәеиужь хҩаарашәа иахьы
ҟаз днықәылт. Шьыжьымҭанла аӡиас ҵаӷаӡа ианахачу
еиԥш, акы ықәчын адәы.
Аҽы-ԥхӡы фҩы ҵәыҵәӡа иԥынҵа иҭасит Дигәа.
Адәаҿы ҽ-гәарҭак аддыҳәа еилан. Зныкыршәа иаа
рылибааит, ахәда ҭҳәа иара иҽгьы рылагьежьуа иахь
рылагылаз. Аԥхӡы иарцырцырыз агәчама ҟьаҟьаӡа
днахьыԥшит. Икьыркьыруазгьы иара акәын. Ибжьам
амархәацқәа, ҽан маҟа дук еишьклыкка аҽҵыс ад
гьыжьыло, планлагьы хар змамыз даҽа хԥа-ԥшьба
ҽы ирылыҳәҳәо ирылагылан иара иҽеиқәа. Егьырҭ
зегьы, аҽҵыс аҿашара атәы умԥхьаӡозар, ҽы-зар
дагьқәан.
Урҭ зегьы, иара иҽы аламҵакәа, аӡлагарахь иры
лацон, џьара цәгьарак-бзеирак ахь, амашьына ахьзы
мнеиуаз инхоз рҭахцәа-руацәа рыларбон, џьара аӡәы

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҽыкәаҳа - 15
- Büleklär
- Аҽыкәаҳа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3661Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3688Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3644Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3664Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3657Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3617Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3674Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3732Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3708Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3715Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3632Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3748Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3786Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3716Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3638Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3621Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3686Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3072Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.