Latin

Аҽыкәаҳа - 13

Süzlärneñ gomumi sanı 3632
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2415
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
хьын­цәгылаз, иаразнак ҳаилыст. Ус, аӡәы аӡы ҭҟьо
дааҳад­ԥалт. Мыџьа!
– Баҭал! – иҳәеит уи, уаала уаха аҩныҟа! «Угәра
згоит, изҭаху ииҭаху иҳәалааит!» – иҟәысҟәысуан сҩы­
за иб­лақәа. Сыбла ишабоз еиҭеиз, иаразнак изыз­ҳаз,
иарԥысхаз сҩыза...
– Уи уашьҭан, уажәы ҳцалап... Ус ҳхы ахьынахо?!.
Ҳахҩыкгьы ақәа ҳхьыӡсо, ашкол ашҭа ҳанҭыҵны
ҳҿы­наҳ­хеит.
– Иҭабуп! – сҳәеит Мыџьа снаихәаԥшны, сқьышә
иқә­ҭәаз ақәа цәыкәбарқәа сыбзала ихрыцқьаауа. Иара
дааччеит.
Уаҳа фырхаҵа дыҟаӡамызт, аха аӡәыр дазааигәа­зар
уи иакәын – сҩыза Мыџьа...
Сарӷьарахь – Шьасиа, сармарахь – Мыџьа. Аргьы
срабашьып шьҭа.
Амаца исзаԥшышт аамҭа: АХАНҬА-ҨЫНҬАРА, нас
АМҨА, АМҨА, АМҨА...Шьасиа макьана дмааԥшыцызт. Амра хышәҭит.
Ихьаҵит, инаскьеит аӡы ашьҭыбжь. Макьана Баҭали
лареи еи­цәажәон. Абас рҿы еизырханы, иаахтны ры­гә­­
ҭыхақәа еибырымҳәацызт. Агәырӷьара, ахәыҷра ана­
сыԥ ссирқәа, агәырҩа, ауаҩы иԥсы ҭызхуа, ихә­ламшәы
ԥызҵәо, ибла шааԥшуа ибжьы зго агәыр­ҩа, аха зегьы
ириааиуа, егьараан аӡы аҵахь идәы­қәырҵаргьы иха­ло
абзиабара...

Абас иаарласны дырҩегьых лгәы иҭысны ицеит,
аӡыхь еиԥш, икыдҩаалахьаз аԥаҩқәа арԥсаҳәеит, џьа­
ра-џьара еималахьаз ахәрақәа арҿыцит, аӡы зҵабахьаз
аҟәарақәа арцәажәеит, шьац зқәымиааӡакәа инхаз
ацәҟьарақәа ирықә­ҵәеит, ирыцралеит... Уи лыбзиаба­
ра ду, лыбзиабара – лыԥс­ҭазаара. Иҿыцны лшьа-лда
иҭысит уи ақәыԥшра кьаҿ аҭоурых, лара аҵәа агәаӷь
еиԥш дызгәылаз.
Еснагь ашәарҭа змоу аиаша амҩақәа, амҩахәасҭақәа,
аҵашәыларақәа, ахықә бааԥсқәа, маакыра змаӡам,
итартаруа иҟоу ацҳа-ҵәырқәа... Адәыӷба «Аиаша –
абзиа­бара», «Абзиабара – аиаша» ареисала мацара
иныҟәо дҭаз­шәа. Абжьы лгәы иқәыҩуеит уи адәыӷба,
ииаҟьан ицаз. Амала лара дызҭаз авагон, ииаган ха­зы
идыргылт. Уб­ра аҩныҵҟа ицәаларц, итәаларц, игы­
лаларц, амаҭәа ӡәӡәаны аԥхьа иахыршьларц... Иқә­
схьоу ашьаршьафқәа, аҵк-ҩазақәа, зыбла цаз ахар­
ԥқәеи ақалԥадқәеи...
Дабаҟоу уи аӡӷаб қәыԥш?.. Ианбыкәу уи ашкол
ахь илшәылҵоз лкофҭа шкәакәа аԥхьа анылнагаз...
Лкофҭа леиԥка аҟынӡа инагӡаны илызҭамҵо, иахьеиуахеи аҩада ианлыцәцоз...

Илгәалашәоит...
...Уи аҵх бааԥсгьы. Ақәа леиуеит, аха икыдҵәоит,
икыдҵәоит. Аҩарқәа шьҭыкьасан илеиуеит. Инеиуеит
дар­гьы... Баҭал, Мыџьа, лара.
«Напеилаԥса ауаҩы дааӡоит, лабеилаԥса ауаҩы
да­шьуеит...» Зны-зынла шаҟа аҵакы аархәозеи, аб­
жьааԥны ҳгәы кыдызххьоу, ҳзызхьамԥшӡо ажәа­қәа­
гьы... Ҳара инҳа­жьыз ашкол аҿы анапҩахара ыҟоуп.

Ба­ҭал акомҿар иал­цараз. Аиҳараҩык роуп знапы иҩа­
хо, егьырҭ рхы рықәыжь итәоуп, рыҽныркылоит. Аха
апротокол аҿы «еицҿак­ны» ҳәа анырҵоит.
Аиаша, адгьыл иахьнықәыҳәҳәо ихырблааргьы,
ашьа­ҭа адац-ԥашә ыҵоуп... Шәыџьара ихырблаар,
зқьы­џьара игы­лоит. Уи аауеит ҭагалан ихырблаауа аи­
сыр еиԥш, еиҳагьы еинчылан, еиҳагьы иӷьацаны.
Инеиуан уи ауха урҭ ахҩык ақәа иакәабан... Бжеиҳан
ҿырҭуамызт... Лара зцәа зыхҵәраауа иҟьаҵәны иҟаз
адгьыл дықәҟьан лҿаныналхалак, наҟ-ааҟ иҩалыҵасны
даа­ныркылон ҩ-напы ӷәӷәақәак. Урҭ анапқәа руакы
ԥыҭрак илышьҭуамызт, илкын...

Хьӡы змам акәара иныҽԥынгылт. Зыԥсы мцо имаа­
уа икаршәыз акәара, уажәы ихышхыҵәан илеи­уан.
Ианаама­цәыслак, уи ҳәынҵәаха, изҭаз аԥаҩ ҭшәақәа
ирзымкуа ицон. Аҟәҟәаҳәа ахаҳәқәа еижәҵо, еилиаан
аԥаҩ иахажьыз амыӷ, ажыц – зегьы ӷәыхуа, урҭ зыҟә­
ны­лан иҟаз аҵ­ла­қәа ажәырқьҳәа ирыхо, аҵх лашә
инахәлабгон.
Дара зегьы неихәаԥшын иааччеит. Ақәа кыдҵәоит,
икыд­ҵәоит. Баҭал уажәы-уажәы лара лахь дыԥшуеит.
Лара еилылкаауеит ахьҭа лылалар ҳәа дышлыцәшәо.
«Шәшә-ит!» – аршәаа дасуеит Баҭал.
– Акәара ҭабаа шәҳәала, уаха ҳарнакит! – ҿааиҭит
Мыџьа.
– Ԥхашьароуп, уаха абра ҳазмыркәа ҳаанхеит ҳәа
аӡәы иаҳар! – иҳәеит Баҭал.
Урҭ зегьы нырцә ицар акәын уаха, зегьы уахь инхон.
– Ашкол аарцәҟа изургылозиз, нырцә абыжьба
уахь­­рылгаз иҩагах еиҭа! – дыхәмаруеит Мыџьа. Уи

ици-ишәи еихамгыло дарыхьҭышьхьеит. Лара лакә­
зар, лыҩныҵҟа аԥырӷы лыӷроушәа, лцәа-лжьы зегьы
былны ицоит. Ақәа илхьыӡасо лықәбарашәа. Баҭалгьы
дҭынчуп. Хьҭа дакӡом. Уи еиллыргоит лара.
Ихышхыҵәан ицоз аӡы аниба, еиҳа длахҿыххеит.
Уа­ха абра аррада уаҳа хьаа имаӡамшәа.
Акраамҭа иԥишәон уи дырырц, аха дахьынҭагылоз
иа­разнак дынҭашәа дцон гәышԥҵаӷаранӡа. Лара
арҵәааҳәа дыҳәҳәаны дизыҩуан. Нас дыргәыбзыӷны
деиҭадәықә­лон, аха аӡы еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон...
– Бҭаацәа агәыҭҟьагьы иагап, ари еиԥшха! – иҳәеит
Баҭал!
– Сара сахьцоз расҳәеит, сан илдыруеит, – лҳәеит
лара, – исышьҭаларгьы исышьҭалааит!..
– Иҳашьҭаларгьы, иҳашьҭалааит! – дыччоит Мы­
џьагь, аҟәара-ҟәара деиҵасуа.
– Шәаала нас, аԥшаҳәа иаваршәны ҳцалап, аҩада
иахьыҵыҵуахь!..– иҳәеит Баҭал.
Лара дгәырӷьон. Уа иҩеиаанӡа аҵх неигәаӡашт. Нас
ашарагь рацәак бжьахом... Уаха шаанӡа уи лааигәа
дшыҟоу, ибжьы лаҳауа, иԥсыԥ лагаҩагабжь еил­
лырго...
Уи илдыруан нас ишыцәгьарахоз. Лангьы лабгьы
лара рыԥ­ҳазаҵә лыда аӡәы ԥсы ихасгьы ишыҟамгьы...
Ирҳәа­шаз­гьы лдыруан... Иара Баҭал дшырдыруазгьы,
бзиа дшыр­бозгьы. Уаха дара рхала ишеицымгьы, рҩы­
за дышрыцугьы...
Ауаа ирҳәашаз рҳәон, егьаҟарҵаргьы уи изацәцо­
мызт...
Аха уи усым, иусу – уаха дара ахьеицу ауп! Уаха
шаан­ӡа... Макьана Аҩӡыбжьара ахьынӡанаӡааӡоз уаҩы
иҟаимҵацзар... Еицәоугьы, аха ас ихтны?..
Уеизгьы, урҭ зегьы усым, иусым, иусым!..

Ицон урҭ ақәа рхьыӡсо, амҩахәасҭақәа неихыҵә­
ҵәо, ихало, ихыҵуа, иқәҵәраауа, иқәҟьо... Ицон, ицон,
ицон, аҵх иалалан, ақәа рхьыӡсауа.
Нас ақәа хыкәкәеит, ажәҩан ахь еергьҳәа иубо
аԥсҭҳәа ҵәыԥсқәа еилахынҳәуа инеилалт. Ихьшәа­
шәа­­рахеит. Ибааӡаны, ихьанҭыџь-хьанҭыџьӡа игылаз
аҵ­лақәа инары­лалт аԥша. Аддыҳәа аҳәасарҭ еиԥш
иар­шәшәоит уи абӷь­қәа ирықәжьу ацәыкәбарқәа. Аӡы
аб­жьы еиҳагьы иӷәӷәаны иҭыҩуан агәаҩа.
Урҭ ахьцоз уажәшьҭа еиҳа ирбон.
– Ишәҭахума ишарц?! – дҵаауеит аныҟәара иаршны,
зыԥсы злалаз Мыџьагьы.
– Иаҳҭахуп!
– Шәӡырҩла! – уи ихәда ааҭиҳәан, рбаӷьҵас ҿиҭуеит.
Иааибарччеит. Иара илымҳа кыдҵан дӡырҩуеит, аха
аӡи аԥшеи рышьҭыбжь ада акгьы ааҩуам.
– Макьана ирмаҳац... Ҟы-ҟы-ҟы-ыы-ыы! – ҿиҭхуеит
уи. Деиҭаӡырҩуеит. Зегьы ӡырҩуеит. Ус аҵх иалууа,
џьара-ҩы­џьара арбаӷьқәа рыбжьы ақәдыргоит ари
аҿы­ҭбжьы. Нас еиқәырццак-еиқәырццакны ҿиҭуеит
Мы­џьа. Иаразнак иаарыкәыршан аху-суҳәа иааила­
леит ар­баӷьқәа.
Иччоит, иччоит, иччоит. Мыџьа ҿиҭуеит, еиҳа-еиҳа
иаас­кьоит арбаӷьқәа рыбжьы. Еиҳа-еиҳа рымҽхак
дыр­ҭбаа­уеит... Ихараӡангьы еергьҳәа иааҩуеит зыцәа
иахҟьаз арбаӷьқәа ахьҿырҭуа.
Убас аккаҳәа арбаӷьқәа шҿырҭуа ицоит аҵх иала­
лан, аԥша ирышәханарбоит аӡы иҭыршьызшәа иҟаз
ры­маҭәақәа. Акраамҭа абас ицон, акраамҭа зегь рхашҭ­
ны, – Баҭал иаб дышҭакугьы, уаха аизараҿы иҟазгьы,
рҭаацәа ашәа иаганы ишыԥсуагьы, – агәырӷьара рҭаан,

абарҭ ахҩык еицу ирылымшо акы ыҟамшәа, ауаагьы
аԥсабарагьы ззылыԥхан иҟоу шьоукы ракәушәа на­сыԥ
рыман.
Иааимыггоны, марда бааԥсны ихалт. Убра акәын
ирыз­мыжьоз аӡгьы ахы ахьыҵнахуаз. Абри амарда
иаҿҟьаны агәаҩахь иҭалон уи.
Иахьыҩхашәалаз, рнаҩсшәа ԥҳәыск дгылан. Насҭха­
шәа ахаҳәқәа ирықәгылан лыԥҳал ду.
Иналыдгылт. Зегьы рыла ҭраа аӡы ахьыҵыҵуаз иа­
хәаԥ­шуан. Абна зхаԥаны иҟаз абахә хәыҷы аиҟәԥара
ибжьыҽ­ҽа иааиуан уи.
Иара арагь ӡыхьк аҵкыс еиҳан уажәы. Абахә иаҵ­
ҟьан иахьынкаҭәоз, уажәыҵәҟьа ушьапы мырбааӡа­
кәа узы­руа­мызт.
Аӡымҵар ихыз хнаҳәан, аԥҳәыс дахьгылаз ахь
иқәна­жьит. Аӡы арагь акыр ихәашьын.
– Аӡымҵар ихыз хнахит, иҵабгаша, – лҳәеит уи
аԥ­­­ҳәыс, – абыржәы сахьыжәбо сааихьеит, аха уи хна­
хыртә иацымлацызт... Иахак иԥжәаӡеит.
– Аҿыц хҵатәуп, иажәызар акәхап! – иҳәеит Мыџьа.
– Ақәа ӷәӷәаны ианаулак, ҩар бааԥсык алалоит, иаа­
ҵа­нарбгоит, – лҳәеит уи аԥҳәыс.
– Нас, аӡы шәтарц шәҭахума?
– Истон... Ахәыҷы ашкол дагхеит, џьара ԥхак
изыҟасҵап сҳәан, аха ари аӡымҵар хнахит...
– Ишыхәашьугьы ишәтома?
– Иҳамтар ҳабацои...
– Уи аҵкыс ара уааишь! – Баҭал аӡы дыҩҭалан, аӡым­
ҵар азхык аашьҭихит. Мыџьагьы иаргьы еицхыраан,
ишрымпыҵнахуаз мацара, ирулак ԥыҭк аӡы аанагартә
ин­хыр­ҵеит. Уи иҭҟьаны иааиуаз аӡы зымҩа акаҭәара
инала­геит.
– Иажәит, иажәы, убри ауп изыхнахуа, – иҳәеит
Мыџьа иандәықәла.

– Амш бааԥсын иаха, асҵәҟьа исымбац... Иҭабуп, –
лҳәеит аԥҳәысгьы, аӡымҵар ианыҽҽаны инеиуаз аӡы­
хәашь лыԥҳал наҵалкын.
Иҟьаҟьаӡа ишеит. Аԥсҭҳәақәа неилыҵ-ааилыҵ­
қәеит, аха ажәҩан алакыҵа ҵыӡәӡәаа иҟан. Мыџьа да­
хьын­хоз иа­зааигәаны инеит.
– Иҭабуп! – иҳәеит Баҭал, Мыџьа инапы ааникылан.
– Убри уҳәарц сҭахын саргьы! – иҳәеит Мыџьа аҵәы
алхны.
– Иҭабуп!
Ианааша Баҭал аҽакала дыҟан, деиҵаӷәӷәа, хәыц­ра­
ха исны.
– Бзеила! – иҳәан иҿынеихеит Мыџьа, рнапқәа
анааимырх.
Ашьҭахь, дара шнеиуаз, ажәытә баа-хыҽҽарақәа
рҿы иаангылт. Ақәа иаӡәӡәан, ашыцламшә иаганы,
иры­лиааз ахьа­цақәа, аџьынҵақәа иҟәыбаса ирым­ҵа­
жьын, анкьа иҭ­ӡамцны, абаа баазтәуаз ахаҳә дуқәа.
Дара ԥыҭрак ус игылан. Лара илаҳауан иара игәы
ашь­ҭыбжь, иаргьы иаҳауазар акәхарын лара лгәы
ашьҭыбжь. Лнапы ааникылт. Лара дҵәыуарц лҭахын,
лоу­разоуроу деилышшан, лылаӷырӡқәа леиуан. Егьа
лун­дазгьы лымч рықә­хомызт. Нас иоуразоуроу деицра­
лан, цқьа дақәымшәо иа­ра иахь дналыхоит.
...Адгьыл аагьежьы-гьежьын, ажәҩан агәышҵа ҟәа­
шӡа илнарбоит, нас аԥсыӡ еиԥш лылаԥш иныҵҵә­раа
ицеит... Ах, зегьы ишԥаҟаз, ашьац еиҳа ииаҵәахаз­шәа,
ашьхақәа ссиршәақәа еиҳа иҳаракханы, рықәцәақәа
аԥсҭҳәақәа ир­хьыршьуашәа... Ашәаԥыџьаԥ ракәзар,
аҩы иашьны ршьап­қәа изрықәымгыло инаауеит,
инаауеит...
Раԥхьаӡатәи агәыӡра! Насыԥ имоуп уи згәалашәартә,
ахааназ зқьышә иқәхартә иақәшәаз. Анасыԥ ҳәанҳәах
акәымкәа, абзиабара цқьа иахылҵыз...

Ашьҭахь...
Ашьҭахь цәгьаран. Аҩны данааи, ауха имыцәацыз
лҭаацәа қәықәма-шәықәмаха еилатәан. Лара аиаша
аахтны иралҳәеит. Лабгьы лабдугьы ҿымҭ индәылҵны
ицеит.
– Зынӡа бгаӡоума бара рыцҳа! – лҳәеит лан, – иаха
аӡәы шәибазар, уаҳа акгьы аҭахӡам, ҳцәа ккаӡа инаҳ­
хырхышт.
Мчыбжьык ҵуан Баҭал ихабар ыҟамызижьҭеи. Ага­
ҟа дышцаз лдыруан, уаҳа – акымзарак. Дзазҵаауадаз?..
Ашкол ахь дныҟәалон акәымзар, ма акы лбо, ма акы
ла­ҳауа ды­ҟамызт.
Ҽнак арҵаҩцәа ртәарҭахь илыԥхьеит. Дахьыныҩ­
налаз даагылт.
– Арахь бааскьа! – лҳәеит аҭоурых арҵаҩы, днеи­
цра­шәан лыхәдагьы адақәа алԥшуа.
Днеин, лара илацәажәоз, адиректор, нас рҵаҩцәа­
қәакгьы зхатәаз астол днадгылеит. Раԥхьа адиректор
дна­хыкәша-аахыкәшан, иахьынӡаилшоз ирԥшқан илеи­­
ҳәеит, ауаа ҭыӡшәаны ишрылоу Баҭали лареи ртәы...
Иԥшӡамкәа. Даргьы ргәы ишалоу... Убри азы илаз­ҵаа­
қәарц шырҭахыз.
Днеилууа дцеит Шьасиа.
Ирҭахузеи, мшәан, лара дахьыҟазаалак дыҟаз, аха
иара Баҭал ихьхьоу издырхар, иҟәаҵыр иауазеи!
– Ишәзеилаз иареи бареи? – дҵааит аҭоурых ар­
ҵаҩы.
– Ҳаиҩызцәан...
– Аӡӷабцәа рахь ҩыза ҳәа уаҩ дбымбаӡеи?!
– Аӡӷабцәагьы сымоуп сара ҩызцәас...

– Уахынла шәеицныҟәозма иареи бареи?
– Ҽынла...
– Ижәбо, амала илҳәо?! Акомҿар еизара ныжьны
дан­цоз ауха бара бабаҟаз, ишыбҳәара?!
– Уи аизара нимыжьӡеит, иныжь ҳәа аниарҳәа дцеит.
Ииашоуп, ауха ҳаицын, ҳҩызцәа аҽаӡәгьы дҳацын.
Насгьы, аӡы ҳарнакын, аҟәара ҳшаваз ааҳаршеит.
– Ибыргәырӷьеит бҭаацәа... Ашьыбжьон ицаз аӡӷаб,
адырҩаҽны шьыбжьон бкылууа баннеи!..
– Урҭ еилыркааит иҟалаз... Сара сыгәра ргоит...
Адиректоргьы егьырҭ арҵаҩцәагьы ус иӡырҩуан
ала­ҿымҭ­кәа.
– Акомҿар далам, аха акласс еизара ҟаҵаны иқәыр­
гы­латәуп лызҵаара, – лҳәеит уи, лыхәдагьы адаш­қәа
ҩалыԥ­хеит. – Нас ишсабҳәара, бзаламлазеи акомҿар­ра
уажә­раанӡа?.. Бхы ҭиҟьазар акәхап уи бҩыза бзиахә!
Шьасиа лылахь ҩеиҵыхны уи дналыхәаԥшит. Егьыгь
ԥыҭрак илычҳаит уи лылаԥш, аха нас лыблақәа аашаҟьша­ҟьеит...
– Бца аурок ахь... Бхы бақәиҭуп! – иҳәеит адиректор,
аминауаҭра ҟаиҵарц иҭахушәа.
– Ас дышԥашәышьҭуеи?! – днаҿаԥеит илазҵаауаз.
– Бца! – иҳәеит дырҩегьых уи, Шьасиа дналыҵаԥ­
шын, нас дҩагылан аҭоурых арҵаҩы длыхәамԥшӡа­кәа
дна­лывсын, ишьҭахь леирхан наҟ даҽаӡәы иацәа­­жәа­ра
дналагеит.
Аха ари аҿы имтәеит уи аус. Шьасиа арҵаҩцәа ртәар­
ҭа данындәылҵ, цқьа лыблақәа хтны даарылаԥшит
лҩыз­цәа. Урҭ аӡәырҩы, ҿыцбарах дырбозшәа, уажәыуажәы лханытә лшьапаҟынӡа лаԥшыла дааимырдон.
Рылаԥш лара иа­нылклак, иаразнак иаахьаҳәуан. Ус­

ҟаноуп Шьа­сиа ианеи­лылкаа, арҵаҩцәа ртәарҭаҿ
дзыз­­наргаз шҭыӡшәахаҵәҟьаз.
Уаанӡа зегьы ирдыруан урҭ шеиҩызцәаз, ишеи­
цны­ҟәа­лоз. Џьара лаф бааԥсык аӡәы џьара иааиҿыҵ­
ҟьазаргьы, «уҿы иҭарӡаны ишԥоуҳәо, ихәыҷқәоуп»
рҳәон. Усыс иркымызт. Аӡәызаҵәык уи усыс изкыз Ба­
ҭал иаб иакәхарын. Уи лара лзыҳәан Баҭал ииҭаз ака­
сы-ԥшӡа, лыԥсы иаҵаҵан илҵәахит.
Аха знык ишакәым иҳәаны ианроу, еимдырҟьеит,
идыр­шеит, иахадыргылт, анапы аҵарҵеит, ашьапы
аҵарҵеит. Ишнеи-шнеиуа лыҩнгьы ирылжжӡеит ари.
Басиаҭ даапкыҵәҟьеит, уаҩы дизнымкылт, абызҳәацәа
илхьыршьыз рыжә­ӡы ихы ихнахт. Иагьиӡбеит иара
итәала уи лхихырц.
Ақыҭауаа барабарақәа еизганы иҩеилаиргылт. Аш­
ҭа агәҭахьы иаадәылигеит аԥсынгьыри. Ажьаҳәа лара
инал­дыркит.
– Иа, абри зҵыргаз ӡи-мцеи схарахааит сара... иҿы
сыц­қьамзар... Сан сшаалыхшаз сыҟамзар, мыч ду змоу
Шьашәы улахь соуааит! Сара убри салаҟамкәа ӡәыр
исзи­ҳәазар, игәы иҭеикзар, улахь иоуааит! Абра дааны,
уара уҿы ихы ҿимхкәа, хҿыхшьа имоуааит!
Ажьаҳәа аԥырҳәа инымҩанылҵан, аԥсынгьыри
аҟыгә аахлыргеит... Дзашьапкуаз анцәа хәыҷы лаԥ­
хьа дгылоу­шәа, уи азалымдара атәы иаҳауа, лара
илмырҳәакәа иа­ра иҿы ахьеилымгоз азы дизгәааны...
Зегь реиҳа дзыцәшәоз иара Баҭал иаҳар ҳәа акәын.
Лара зегьы лычҳауан. Иара ихьхьаз, игәы зламаҷыз
изхон.
Аха уи ахьиаҳашаз дыҟамызт иара. Ҩымчыбжьа
ааҵ­хьан ашәҟәы лоут. Иаб дхырҵеит. Иара, авоенкомат

аҿы аус зуаз иаб иҩыза ибзоурала, арра-ҳаиртә учили­
шьче ахь ддәықәырҵеит...
«Бара бхароуп, аха сара сзы еснагь бааигәоуп. Ес­
нагь сгәы бҭоуп. Схала санаанхалак, ашьшьыҳәа бҿы
аахтны снабыхәаԥшуеит. Снабацәажәоит. Нас сгәы
еиҳа иааҭынч­хоит. С-Шьасиа, спринцесса, Шьасиа...»
Мышкы хәлаанӡа шаҟагьы идуузеи, шаҟагьы има­
ҷу­зеи! Ҭагаланшьҭахьтәи амш, аԥша ацрышәшәо, ҿар­
ҳасым­ҭак ыҟам... Мышкы ахи мышкы аҵыхәеи рыла
иҟаларц ианақәнаклакгьы иааҟалаӡозеи! Шьы­жьы
инаркны хәлаанӡа, амх-хәы зго аҳәсақәа рсаарақәа
реиԥш, амра гьагьаӡа ад­гьыл иахагыланаҵ, ианақә­нак,
аибашьра ҟалоит, ахәыҷы диуеит, ауаҩы дыԥсуеит...
Атетрад аашьҭыхны, абӷьыцқәа еиҭаартуа лҿынал­
хоит... Уи абӷьыцқәа ракәым, ииасыз лыԥсҭазаара амш­
қәа роуп... Абар, иҩышьа Аџыр «ибзиоуп» ада акгьы
зызии­м­ҭоз. Ари ианеиԥырҵуаз аламҭалаз ииҩыз
акоуп. Уи иҩым­ҭала илбоит, ҩаха, хаха, ԥшьаха раҳа
дшад­тәаламыз – дыццакуан ианиҩуаз. Иҩашьомызт.
Иаалыртуеит, еиҭаалыртуеит ҭагалантәи абӷьқәа
реиԥш иар­ҩежьыз абӷьыцқәа. Уи лҽадлырхалоит, из­
банзар ани аконвертгьы ыртлатәуп. Изакәу здыр­хуада
убригь иану?! «Бзеирам, бзеирам, бзеирам!» – аҳәоит
лгәы, аха аҽырҵыс­ра лҭахым, дрыӷӷаны дахь­тәоу,
лыхәрақәа тлар шалшо лцәа иалашәоит…
Уеизгьы ихлыртлароуп. Ианбанӡа?!
Дмыццакырц, лнапаҿы лхы аалгарц лҭахуп, аха
акон­­верт иҭоу ашәҟәы бӷьыц ахьҭылго лнапқәа қыџь­
қьыџьуеит.
«Шәара шәашьа иԥа, Баҭал... – лылаԥш ыҩны иахыс­
ны ицоит, – хаҵарыла ДҬАХЕИТ...»

...Дҭахеит!
Иаразнак ллымҳақәа кны иааулышьҭызшәа, агә­
гәа­ҳәа аӡы абжьы налгәыдлеит, ашьхантәи ихы­ҵны
иаауазшәа. Дзықәтәаз ахаҳә шкәакәа ҿыцха днықә­
ҳаит ларгьы. Дҵәуон уи лыбжьы ҭганы, деи­ҵа­қьуа,
дқьыз­қьызуа. Акраамҭа. Ич­ны иҟаз лгәы маҷк аҟа­ра
идаанӡа.
Нас ашьшьыҳәа дҩықәтәеит. Акраамҭаӡа ус дтәан.
Ашьҭахь деиханы дҩагылт. Иаразнак, зықәрахь инеи­
хьоу, зшьамхы иагхахьоу, иқьыԥаха иҟоу, аԥсҭазаара
икыдна­ҟьахьоу тәахьак дшубац дааҟалеит.
Зыԥштәы зыхҟьаз акаба ҟаԥшь, атетрадгьы ашәҟәы
бӷьыцгьы нылаҳәаны, иналҩыҵракны дызлааз ала
лҿынал­хеит. Ахаҳә-ссеи аԥслымӡи лшьапы иаҵыҩҩы
ишцоз, деи­хан хыхь аԥаҩ дыҩхалт. Лхы ҩышьҭыхны
амра дназыԥ­шит. Уи хышәҭӡан, акыр иҩҭагьалахьан.
Иҟаԥшьшьыхәаҵәараӡа аԥырӷ ду еиԥш ажәҩан кыл­
блаауа иаҵан. Аха лыб­ла усҟак ихнамкӡеит, иҿыхьшәа­
шәаахьан.
III
– Ҳара иаадыруеит уи агәаҟра атәы закәу, ҳара иаа­
дыруеит уи амца шаҟа ишу!
– Шәара шәзусҭцәада, шәарбанқәоу, шәабатәиқәоу?..
– Ҳара АХАҲӘҚӘА, ҳара, абри адгьыл аҵеицәа рны­
шәынҭрақәа рханы иарсу ахаҳәқәа, ҳара аԥсабара иал­
ҵыз абаҟақәа, аԥсабара иақәлахо абаҟақәа?
– Ҳаргьы, ҳаргьы!
– Шәара шәзусҭцәада?..
– Ҳара иҟәыбаса ицаанӡа, афырхацәа ргәаҵаӷара
иазкыз ахҿақәеи, ахқәеи, абзарбзанқәеи згәышԥы рым­
ҵазкуа АБАА АХАҲӘҚӘА. Иҭахеит ахацәа, зеиԥш аду­

неи ианымлаӡо афырхацәа, иԥсит абаа, аха ҳаанхеит
ҳара абаа иадҩырны икаҳаз ахаҳәқәа, иҭахаз афырха­­
цәа баҟаҵас ҳархагыларц.
– Ҳара ҳабылуеит шәышықәсала...
– Ҳара ҳабылуеит...
– ...Урҭ зыԥхаз рыбзиабара амца, имыхьшәашәац
рыб­­­зиабара амца. Урҭ раамҭа аангылт, ргәаӷгьы шыҟац
ин­хеит, раӷацәагьы – шраӷацәаз.
– Ҳара иҳаҳауеит!
...Урҭ афырхацәа ирҳәо:
«ҲАРА ҳадгьыл ҳшьамхнышгылан ҳагәӡуан, ҳара ҳад­
гьыл иқәаагалон ацәшьхәеи аҽбыгеи... Ҳара ҳшьацра иа­
ҵәара ҳабзиабара еиԥш итатан... Уара ҳадгьыл иқәу­
галеит аҳәеи алаӷырӡи, ҳшьацра урҟаԥшьит шьала...
Ам­ха­хьы ҳхәы назгоз ҳаҳәсақәа, иахьеи-уахеи ҳзеиԥхыӡуа
аҭыԥ­ҳа­цә­а рашәа рҿухын, амыткәма рзынужьит, рыцә­
ҩыча ршәухын ашәы-еиқәаҵәа ршәуҵуеит... Амгәарҭа
аԥхара рбаанӡа инурҵәеит иирц иҟаз ҳасабицәа!
Ҳара ҳнышәнап ацаха илаҳәан амшын ҳахьхырҵоз
иаагон, уара ҳадгьыл ауац ахугон, ахә ыҵухуан, ахаарабзаара, аԥсы алцәыцәаан, абаҩқәа реиԥш, ахаҳәқәа
алыҳә­ҳәо инужьуан!..
Аха ҳара ҳаузымшьӡеит!..
Избанзар ҳадгьыл иамоуп ҳабаҩқәа...
Адгьыл аҳақ ҳақк еиԥшым.
Уи ан лҳақ аҵкысгьы еиҳауп. Абзиабара аҳақ ҳақк еи­
ԥшым, уи ажәҩан аҳақ иаҟароуп.
Ҳадгьыл иануҵаз ахәрақәеи, иауҭаз агәырҩеи, ақәар­
шҩы еиԥш иақәаҳҭәаз алаӷырӡи – ахьаақәа зегьы еиҩы­
жаан иҵәахны иамоуп.
Хыхь ихӷьаа-ҿӷьаашәа иҟоуп, ашьац ықәиааит уи,
аха имӷьаӡеит. Зыԥсы ҭаны иҳаҵагылаз ԥыҭҩык ргәы
хьынаауа иҟоуҵаргьы, иҭабгахьоу ҳнышәынҭрақәа ир­
ҭып­пны, ҩнык-ҩнык иаҟароу ахаҳәтә дольменқәа аҵәа­

ҟьақәа реиԥш, иааи­мыршәшәаны игылап ҳаԥсцәа, агәа­
раҳәа ишуа иуҵалап ҳӡиас кеикеиқәа...
Уиаҟара угәы умшьышьӡан...
Уаиааиз-џьшьа, ҳҩы шьҭыхны ухы аланыҳәан, ҳшьеиԥш
уаҵашьшь иумжәӡан!
Ушьаҿа ааихугацыԥхьаӡа урықәгылоит ҳагәқәа, уара
иушьҭалан ҳадгьыл, ҳабзиабара иаӷралан ицо зегьы ҳара
ҳагәқәа шәрықәсны шәцоит. Аха мышкымзар-мышкы
шәцашт, шәцаӡашт. Шәӡы ахьымааҩша!..»
– Ҳаргьы иаадыруеит уи агәаҟра, аха иаадыруеит
ана­­сыԥгьы.
– Шәара шәзусҭцәада?..
– Ҳара АХӘЫШҬААРА ХЧНЫЗАҚӘА...
– Ҳара, амца зҭашуа ауаџьаҟқәа злаҟаҵо, ахаҳәқәагьы...
...Абаҟақәа реиԥш ҳархагылоуп урҭ ахацәа инрыжьыз
амцақәа, дара рыбзиабара шуа изыӷроу амцақәа, урҭ
ршьа иашәыз иҟаԥшьуаркалеиуа... Урҭ рыбзиабара шаҟа
ицоу здыр­уа ҳара ҳауп... Ҳара АХАҲӘҚӘА… ҳабылуеит,
ахәеиԥш ҳхәашхәаша ҳагоит уи амца...
Аха иара нхоит, инхаӡоит...
Иагым агәаҟрагьы, аха иацуп анасыԥгьы!..

Ш ЬЫ БЖЬЫ Ш ЬҬАХЬДигәа дышиашаз иҩны дааит. Дааит уи дхьамԥш­
ӡакәа, аӡхьамԥш ааигозшәа. Иагьаншам, иагьаныхә­
лам. Агәашә аартны амӡырха данааҭала, амаҵурҭа
аԥхьа, ахы ақәыжьны, еишьхныккала ҽык кәадырны
амасаргәара иадҳәалан. Ианԥса даадәылԥшит. Лхы
мацара агәашь ишадыҳәҳәоз ԥыҭрак лҽаанылкылан,
аҵыхәтәаншәа амаҵурҭа дыҩныҵны арахь дааиԥылт.

– Сашьа даан… – лҳәеит уи, лыблақәа ашша рыхшьы­
лазшәа иҟәыбзҟәыбзуа.
– Ибзиами нас, даазар…
– Кадыр…
– Бзиоуп нас, Кадыргьы иакәыз.
– Уааи арахь, нан, сукәыхшоуп, уааи!.. – иаалырҟьан
даԥсышәаха даақәгылт.
Дигәа аҩынҟа дныҩналт.
– Бзиала уаабеит!
– Уа бзеира убааит, бзеира убааит! – уи игәаҩан
дналагон ажәа, аха дахьалгоз аршәаа дасрашәа иаа­ԥи­
ҵәон. Адаш рылпыҟҟа, аихаӷәы еиԥш иҟьаҟьаӡа иҟаз
има­хәар иаԥыршьызшәа, инапы Дигәа инеим­ҵеикит,
«иааг унапы, ҳаилаӡап» иҳәарашәа.
Уаҩеиқәаҵәа еихацалак, иаҳәшьа лԥынҵеиԥш
иԥын­­­ҵа ҭыҿҿа. Зегь раԥхьа уи иԥынҵа улаԥш надым­
ха­­лар ауа­мызт, иара хазы аԥсы ҭаны, хазы иухәаԥ­
шуашәа.
Уи исаса ахьааихихыз, Дигәа илаԥш нарықәшәеит,
иры­ԥхны изыҵагылаз ираӡны хаԥыцқәа.
Иахьынеимоу зегьы араӡны ҵхырҭаҟны иҟазма!..
Қәрала акыргьы имч ишәахьан, аха ибла хәыҷқәа
кәеицеиуа макьана икамҳацызт.
Абар, иара Кадыргьы… «Жәлар рхы ҭызго, ҟамчхәы­
ла еибадырбо» ҳәа ианԥса дызхыҽхәало лашьа… Аха
егьа ус иҟазаргьы, «аҳаҭхәажә иҭоу умбакәа уахы­
мыччан».
Дигәа иаалырҟьан, ианду лҳәашьа, «хәыҷык амзаатә
изааит», аӡә аҵәы абаиласҵари ҳәа дааҟалеит.
Деилаҳәан Кадыр ссиршәақәа. Дахьтәазгьы ихымх­
ӡакәа ихан, амра иамблырц аплиажқәа рҿы аԥсшьа­цәа

ир­харҵо ауапцәа хылԥа, ачыхә ахьыссы. Уажәы-уажәы
аҳәынҵәрақәа ақәыҟьҟьан ицап уҳәаратәы, дҭаҟҟы
ишәын акырӡа иқәсхьаз арратә китель. Уи амаӷрақәа
убасҟак икьаҿын, аихаӷә еиԥш иҟьаҟьаӡа иҟаз има­
хәарқәа рыб­жаранӡа иааԥшуан. Иџьыбарчы еиқәа,
нас ицырцыр­уа ирыцқьан иҟаз, акыргьы иҵкьыҿхьаз
имагә.
– Утәа! – иҳәеит Дигәа.
– Утәа, утәа! – иҳәеит Кадыргьы.
– Шәтәақәа, сшәыкәыхшоуп, – лҳәеит ианԥсагьы
зны­кыршәа. – Дигәа, акы унацҳаишь, сымш усҭааит,
иахьа ҿаҵак уҿы инҭаршәны ушцаз уҟоуп… Кадыр,
уар­гьы амла уҽоумыргани, акгьы умҵам аха…
– Мачхәума, дунеик азна ыҟоуп…
Дунеик азна ҳәа аҳәара ахырҟьацәоуп, аха еишәак
азна иҳәар диашахон. Шәишәик ашьапқәа хаххала, ака­
кан сыӡбал аҵаҵан ана-ара иқәгылан… Шаҟа шьапы
амаз уара идыр! Ӡысык иаҟароуп, ашәишәи арбаӷьхап.
Ахәыҷқәа ниас-ааисцыԥхьаӡа ишақәшәышәуаз, иар­
гьы аԥшан­дага еиԥш аҵыхәа аартны аҽшарчуаз, уажә­
шьҭа иҭынч­хеит.
Ҵәыцақәак ааныркылт. Аҩы џьбараӡан, иаразнак
ухи ушьапи ирысуан.
– Иҟозеи, ишәылоузеи, Кадыр? дҵааит Дигәа, «хәы­
ҷык амзаатә изааны» дахьтәаз.
– Аа, бзеирами, дад, бзеироуп. Акәтаӷь былгьоит… –
убригьы «амзаатә изааны» дыҟазар акәхарын, аҵыхә­
тәаны ииҳәаз ажәа аҵәы налаҵаны ауп ишиҳәаз.
– Ҳабоугәалашәеи, уабаднагалеи ҳаҩныжә ахь?!.
– Иҩныжәзартә иауазеи, анцәа шәахимбааит!.. –
ми­тәык иаҳазшәа иблахәыҷқәа ааҭицеит уи, ашәишәи
ама­ха дацрыхо. – Ус шәыгәхьаазган, снарылаԥшып
сҳәан, сааит…
– Ибзиами…

– Сара гәыбӷан сышәымҭан, ДИ лҟынӡа схалап, –
дааи­кә­ҟьашеит уи иаҳәшьа. – Дрыцҳасшьоит, лыб­ла­
қәа ҭаа, асҟак лхала дынсыжьлаӡомызт. Шәара шәааи­
цәажәала.
Уи дцеит.
Шаҟа лгәы былуазеи агызмал… Аҭаца хәыҷы!
– Дгәыгәҭашәмыжьын, дад, Шьамсиа дгәыгәҭа­шә­
мыжьын. Дажәит акәымзар, Шьамсиа дбаша Шьам­
сиазма, мышктәи лҽырхәмарра, соуп зҳәо аӡә даԥсан,
– иҳәеит Ка­дыр.
Дигәа Кадыр дныҳәан ижәит, Кадыр – Дигәа дны­
ҳәан.
– Кадыр, – иҳәеит Дигәа, иара итәала «амзаатә изаа­
ны» дахьтәаз, – шәеиҳабыреи уареи шәеизуаам ҳәа са­
ҳан, уажәы шәышԥаҟоу?
– Ааи, зыӡбахә умада, дадхеит, – инапы ааиҟьеит
Кадыр, – сара исыцрухуазеи, уажәшьҭа ҭаҳмадак. Аха
убра хәыҷыжәқәак ыҟоуп, рхы иахәаны ируам, рыб­
лақәа ааҭырхуеит, дара рыблақәа ҭышәшәартә! Сароу?
Сара ничего, я свое дел знаю, – Дигәа иахь дцәы­ҵыԥ­
шны, длацә­ҟәысуашәа ибла хәыҷқәа неихьишьит, – аха
ажәлар идыртутууеит… Ажәлар абарабан еиԥшуп…
– Абарабан аџьма-цәа иалырхуеит ҳәа сыҟоуп!.. –
дааччеит Дигәа.
– Ари умбои, ажәабжь иаразнак ишыгәнукылаз! –
Ка­дыр инацәа Дигәа инаиқәикит, аҽаӡәы диирбоз­шәа,
– аҵара умоума, сџьым, уара?
– Аҵара сымамкәа, абни иубо, иудыруа ҳашкол ауа­
дақәа, зегьы шьапыла еимыздахьеит…
– Умбо, умбо ажәа иаразнак ишыгәнукыло. Ҳәара
аҭахума, аҵара – лашароуп, аҵарадара – лашьцароуп.
Абас аҳәон ажәытәтәи асториа! Учение – свет, неучение
– тьма! Усоуп иагьшыҟоу.

Дырҩегьых ҵәыцақәак ржәит. Кадыр уссгьы икы­
мызт, Дигәа аҩы ахы инардырхьан.
– Бзиа уҟоуп, дад, сеигәырӷьеит… Акыр ухашәалоу?..
– Сара исызхоит!
– Уара усабиуп макьана… Амала ирҳәоит акәым­зар,
зџьыба ҭацәым игәгьы ӷәӷәоуп… Умбо аӷьара-ӷьара­
ҳәа ушцәажәо, ажәа шыгәнукыло… Уи еилыскаауеит
сара. – Ираӡны хаԥыцқәа аарԥшны дааччеит Кадыр.
– «Сџьыба сгәы азҭазар, Кәыдры сахыԥарын» иҳәон
са­шьак… Ацә исны имгәацәа ԥнажәан, дшыҷкәыназ
дсы­ԥха­гәышьеит.
Дигәа уажәы-уажәы ахә еиԥш деилашәон дахьтәаз.
Ихәыцрақәа зны дырҩны уажәы дахьынтәааз дыргон,
нас дырҩны арахь дааргон.

Кадыр, Дигәа диаԥысырҳәа дшәозшәа изхара ани­
фа, изхара анижә, ацәажәара хиртлеит.
– Ара аԥхьан ажәлар барабануп сҳәеит, – даҿын уи, –
изхысҳәааз, абарабан уасыр ианымҩуеи? Ианыҩуеит!
Ажәларгьы акы раҳар ирныҩуеит. Уаҳа акымзарак…
Изхыс­ҳәаауа, уажәы ҳқыҭа аколнхара иахагылоу да­
нааи, зегь раԥхьа сара дысԥылт. Мышцәгьашьҭахьын,
сеиха сыхәда иқәкны, сҳа бзиақәа ирыҵасыргылаша
хыцқәак сыԥшаап ҳәа сахьныҵыҵыз… Аҳақәагьы на­
пы здумкыло роума, шықә­сык, шьапыцыԥхьаӡа џьы­
бак азна аԥара исызтәоит, џьыбак азна аԥара сха­
дыршәалоит. Изхысҳәаауа, иблақәа ажьабаӷь еиԥш
икылпаӷь-кылпаӷьӡа даасыдгылт абри. Уи иакәу егьи
иакәу акры здыруама… Аԥсшәа саҳәан даасыхәаччеит,

иацгьы сидыруазшәа. Исҭахӡам удыруоу, иц хаџьџьа­ла
иаасԥылалак дсыхәаччо далагар!
Аусҳәарҭахь сызланеиуеи? – дҵааит уи. Дыччоит
дзеи­гәырӷьо сыздырам.
– Абас ушнеиуа, акәара-ҷҷа аауԥылоит, – сҳәеит сара,
– уи ашьҭахь абҭәа зқәу ҩнык аауԥылоит, уи ашьҭахь
зашҭа амасаргәара ҿыц акәыршоу ҩнык аауԥылоит, уи
ашьҭахь зашҭа хкааӡам ҩны еишьхныккылак аауԥы­
лоит, убри ауп аусҳәарҭагь!
– Урҭ зегьы арахь исԥылозар, уахь сзышьҭоузеи! –
иҳәан, ччараха исит. Нас абни уилацәажәала, иеиқәа
дҭа­ԥало!
Дигәагьы ихәыцра дырҩны арахь данаанагоз иақә­
шәан, аҟырҟырҳәа дааччеит.
– Иуасымҳәаз, иумбо шаҟа ажәа гәнукыло, акы
злыҵ­ша убасоуп! – иҳәеит Кадыр.
– Уи, уи иоуп, аха уаанӡатәиқәеи уареи шәышԥаҟаз?
– дҵааит Дигәагьы.
– Сара сзы аӡәгьы дҽеимызт… Уара уҿы хырҽхәара­
хоит акәымзар, сара схы соужьызар, уаҩ хыхәоуп…
– Ус иҟалома, Кадыр!..
– Иҟалоит… Сара усҵәҟьа зегьы срылагәан исхым­
цәа­жәааит. Ари азакәан азы сара снапы санҩахоз, да­ра
ага­ра игаран! Ԥаса, еиҳа ансылшоз, саларԥырыр­гарц,
Сухум­гес аргыларахь сдәықәырҵеит. Уа сахьнеиз, сна­
хәаԥш-аахәаԥ­шит, аха ишысзаԥсамыз иаразнак из­
беит… Уара еиҭаҳәа­тәыс иусҭом, анцәа иумҳәан, ажә­
лар зегьы ираҳартә… ажәлар барабануп! Аха аминуҭ
ала исыӡбеит сцарц. Арахь, ушышьҭу ала шәыҟә бӷьыцк
укымкәа ашәи-ҭышәи унарышьҭуам. Ҽнак анџьныр­цәа
еицрыхәхәа ишааиуаз, сахьы­нарылаԥшыз, издыруаз
аӡә дызбеит. Шьардаӡа ҵуан уи ахаҵа дсымбеижьҭеи,
аха иаргьы иухашҭуаз аӡәы иакәыз џьушьома! – Кадыр
иҟәардә даахан, Дигәа иҽизааигәатәны днатәеит. –

Аменшевик ихаан ҳәа ианашьҭаз акәын. Усҟан сми­
лициан сыҟан. Уажәтәи амилициа реиԥш кьаҿ маҭәала
акәымкәа, кәымжәи-кабалеи сеилаҳәан. Сказен та­
панча, сара, ҟама бзиаӡакгьы сыҟәнын, аха ҩнрак азы
иҟаломызт. Абра нџьнырк илаԥш сааҵашәан, егьырҭ
сҩыз­цәа срылихт. Уи Гагреи аменшевикцәа рыр ахь­
тәази аҭел рыбжьигон. Иусуцәа рыгәра игомызт
аҟынтә, дзыхьчашаз аӡәы диҭахын… Иӷәӷәаз. Ҩажәа
нызқь мааҭ аменшевик иԥара изыԥҟан уи мызкы, сара
– хә-нызқь мааҭ. Исызды­рам уи дыздгылаз: уажәы
иҟоу аума, усҟан ирцәыргаз аума, аха ихаҭа дыбзиан…
Сара сзы дыбзиан. Зны, «скьаҿ аџьыба уҭаԥшны аԥара
ҭга, нас аҭаҭынҟаҵа сзаага» ҳәа сеиҳәеит. Снеины
иџьы­ба сынҭаԥшызар, пачка-пачкала еи­қәырҽы иҭа­
жьуп аԥара… Сара, скәымжәы-скаба, сҳа­зырҭрақәа
ҿа­рыԥхаа… Ҟама бзиаӡакгьы сыҟәнуп… Аҭаҭын иаз­
ха­шаз ахә алсхын сцеит. Уаҳа абарҭ шаҟа ыҟоузеи ҳәа
аԥхьаӡарагьы саламгеит… Ихьыр-вырны иаҵаз бӷьыц­
к­гьы сыриашап ҳәа сналамкьысит.
Адырҩаҽны снаган ус сеиҳәеит: «Сара Адиангьы
дсыман, ишьҭанеиуазгьы, уара уеиԥш, аха аԥара баны
изавсуамызт. Уара унхаҩуп, аха унхаҩ бзиоуп, сара
сҟны уҟа­наҵ схарџьала акруҿасҵоит». Иара иоуан ус­
ҟантәи аԥара ҩажәа-нызқь, сара – хә-нызқь… Сара
сеибыҭан. Кәымжәы-кабала, сказен тапанча… Ҩнрак
иаԥсаз ҟамакгьы сыҟәнын… Изхысҳәаауа, уи схы исыр­
дырхт иҿыцны, дсеи­гәырӷьеит, снапы икит, аԥсшәа
сеиҳәеит. Сагьишьҭит… Адырҩаҽны Ешыра сыҟан…
Убас-убас, мчыла-хаала сԥацәа аҩыџьагь нсырхеит,
аӡәы – Ага, егьи – ара, зҳәазеиԥш…
– Кадыр, еиҭаажәып ҵәыцақәак! – иҳәеит Дигәа, уи
иажәа нымҵәаӡошәа аниба.
– Ибзиоуп, сдад, ибзиоуп!
Еиҭаржәит, ныҳәаҿақәакгьы рҳәеит.

Дад, ауаҩ хшыҩла дынхозароуп акәымзар, уара
ушы­ҟоу убоит, мчыла аҩны шьҭухып, аха мчыла ма­ца­
ра хара узцом… – Кадыр ацәажәара даҟәыҵын, илахь
еиқәышьшьы даахәыцит. – Даара аӡәырҩы рхы иа­
нар­схьеит уи… Адунеи уаҩы изеиҟаратәуам, ус ами?
Ус анакәха, ауаҩы иха­тәы идыруазароуп… Аакьыскьа
абра, џьара дсықәшәан Басиаҭ…
– Нас?
– Рацәак изынҵуам уи уажәшьҭа… Дабытә нхаҩыз,
анаџьалбеит. Ма закә напыз имаз, ахьы аԥссон –
ажьиира иара идыруан, ауасҭара иара идыруан, ан­
хара иара идыруан… Убасоуп зегьы, бабрацәқәак ҳзал­
го џьушьома ари аԥсҭазаара… Анышә ҳшасуа, ҳна­
сыԥеиқәаҵәаха ҳшынцәыҵакьакьо, ҳниаӡаа ҳцоит…
Адгьыл ҳаргәаҟны ҳафоит, уаҳа акгьы.
Аҩыџьагь ԥыҭрак ҿымҭ итәан.
Уажәшьҭа иԥырҵзар цәгьам, аха ҟаҵашьас иаҭа­
тәу­зеи?..
Дигәа, «хәыҷык изааны иҟаз амзаатә» ихыԥсаан,
игәхьаа ҵысуан, дыԥшшо далагахьан. Кадыр иакәзар
игәахы ааԥиҵәаӡеит, аха егьаумҳәан, дсасуп, диҭааит,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҽыкәаҳа - 14
  • Büleklär
  • Аҽыкәаҳа - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3661
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2510
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3688
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2476
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3644
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2527
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3664
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2441
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3657
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2494
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3617
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2382
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3674
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3732
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2509
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3708
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2377
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2359
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3715
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3639
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3632
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2415
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3748
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2495
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3786
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2467
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3642
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2423
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3716
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2382
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2357
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3638
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2458
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3621
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2472
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3639
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2440
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3686
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2390
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2419
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3072
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2115
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.