Latin

Аҽыкәаҳа - 12

Süzlärneñ gomumi sanı 3639
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Ус, ихахәы рҳәы ду хылԥарчк еиԥш ихаргылан, аӡәы
атрибуна даақәгылт. Уи иаразнак дыздырит. Зны,
акомҿаррахь санрыдыркылоз, иааҟәымҵӡакәа аустав
аҟынтәи азҵаарақәа сызҭоз иакәын.
Уи иԥаҵақәагьы ауижьын, иарԥысра наӡамҭахь
дықә­ла­хьазшәа убон, аха сара акомҿарра санры­дыр­
кылоз шаҟа дыҷкәыназ ала, усҟак ихыҵуамызт.
Абригь снаихәаԥшит, сыгәгьы ахьынҭаҳаз инхеит.
Акы – саб даарц дыҟан, ҩба – ари иаарышьҭыз... Саб
иҭыԥан абриҵәҟьа дышԥаарышьҭи?..
Ԥыҭрак ҿымҭ илахь еиқәышьшьы атрибуна даха­
гылан уи. «Ауу-уу» ҳәа еилаз ауаа аангылан, амҵ
ԥыруазар иуаҳартә иааҟалеит.
– Аҩызцәа! – иҳәеит уи шәаџьҳәара дааҽыжәҵыз­
шәа. Сара сгәы иҵегь инҭаҳаит.
– Аҩызцәа! – иҳәеит уи дырҩегьых, – акыр иаԥсоу
аҩызцәа, ажәлар, шәыххь згеит!
– Ухы шьарда ннаҵааит, дад! – аӷу ааилдыргеит аус­
ҳәарҭа кәапеишәа ирҭәны итәаз ажәларгьы.
– Аминауаҭра шьҭасҵоит са сыхәҭаахьала. Иахьа
шьыб­­жьон аизара ҟаҳҵарц ҳаҟан, – даҿын уи, –
абриаҟара шәахьҳарԥшыз...

– Иахьԥоуҳәо, дад, уаӷа думинауаҭуп! – рҳәеит
ҭаҳмад­цәақәак аԥхьаҟа иахьтәаз, иаҳҳәарызеишь ҳәа
иҟазшәа.
– Изыхҟьазгьы абри ауп, – даҿын ақадақьҩы, –
иахьа абра аизара шәзыҟазҵарц иҟаз, шәыззыԥшыз,
шәқыҭа иал­ҵыз анхаҩ ҭыԥҳа лкыкахш иааӡаз...
«Ҟҳы-ҟҳы» ҳәа иааилеимҳәақәан, инеидыхәыҭ­
хәыҭ­ла-ааидыхәыҭхәыҭлеит. Азал аҿы еиҭааҭын­чра­
хеит. Сара сгәы ҵаакәкәалан ацара иаҿын. Итәар ҳәа
сшәон уи... Сыԥшын ииҳәарызеи ҳәа, сыԥшын исгәы­
ди­ҵарызеи ҳәа.
– Шәчеиџьыка ҳалал зеиӷьашәымшьаз, зыхьӡ аны­
шәҳәалак аӡы шәаҿымхәоз, – ахырҭәақәа реиԥш сара
сахьтәаз скылкаан исықәшәон уи иажәа ԥсадақәа,
– изныҟәым­геит шәара шәымаҵ аура... – дааҭгылан
илахь еимар­џахә ҵаҟашәа дыԥшуан, – шәиԥсахит,
дма­ҳагьахеит, шәи­ҭиит!!!
Ииҳәаз саҳаит, аха ахы зықәшәаз иеиԥш, сӡырҩуа
сын­хеит. Уи деиҭаахьаҳәын, еиҭа аминауаҭра шьҭа­
ҵаны, «сеилагеит, ус акәӡам» иҳәарашәа сихәаԥшуан.
Азал аҿы зынӡа ҭынчрахеит. Ҭынчрахаӡеит, исыва­
тәоу ашыр-шырҳәа иԥсы ахьылеига-ҩеиго саҳауеит.
Ҳаи, ианаџьалбеит, аӷақәа изҭагылоума арԥҳақәа
рцымхәрас!..
– Апартиа ахьӡ ԥшьа, апартбилеҭ ихы иархәан, илахь
иааԥыракны, иахьа уажәраанӡа аиҳабыраҿ дтәаны,
ажәлар ирзеиӷьу аус мҩаԥигошәа, иреиӷьу ҳҵеицәа
ршьала иааргаз ҳамчра ду анышә аҵижаауан... Цәгьам­
зар бзиа ҟаиҵомызт жәлар рзы!..
Мап, мап ари уи изы акәхарым, ари ԥхыӡуп, мам­
заргьы уаха еизараӡам, ус ахәмарцәа аан, «аҽы иаҳәаша

акәа­дыр иаҳәоит» ихәмаруеит. Саби ани атрибунаҿ
игы­лоуи ррольқәа еиҭнырыԥсахлеит, ауаа дырччарц...
Нас аҟәардәқәа аҿҿа аарылгеит. Азал аҿы ауаҩ
ԥсца­ха изымҭоз аҭынчра ааиларгеит. Санааԥш ашәаҿ
сааихьан... Сара сакәхап урҭ игәарҭазгьы. Сын­дәыл­
ҵын, алашьцарахь снаскьаны, ԥыҭрак сгылан, ус иа­
дырсыз астолб еиԥш, соуразоуроу амҿы салхушәа
сцәа-сжьы, сыхшыбаҩ – зегьы дысны иҟан.
Нас хьаа бааԥсык сгәахы ныҿнакаазшәа, ахы зықә­
шәаз иеиԥш, ашҭа сыҩҭҟьан сҿынасхеит.
Аҵх неигәахьан, Агаҟа игаз амҩаду ахь санкылс.
Сгылт, сгылт, аха иналаршә-ҩаларшәны имҩасуаз
ма­шьы­накгьы сышь­­ҭнамхит. Ажәжәаҳәа аԥша аас­
ҿаҟьаны инасаҩҟьон. Ам­ҩаду ианыршәланы шьапыла
сҿынасхеит. Уаҳа машьы­нак аасықәымшәаӡакәа ҩбаҟа
километр сцахьан еиԥш, акы ашьҭыбжь саҳан, саагылт.
Алашарақәа ҭааӡа, амашьы­на лас БМВ аасывалт.
Исмыхьыц исыхьуеи сҳәан, снапы сҩахеит. Иаан­
гылт. Ашә аадыртын, ашьҭахь сынҭалеит. Ашафиор
аӡәы диватәан. Урҭ ракәӡан иҭатәазгьы. Сара сзы зегьы
дара ра­кәын иҭатәазаалак.
– Уабацои, арԥыс, аҵхыбжьон? – дҵааит ашафиор
иватәаз.
– Агаҟа.
– Иумада уа?
Сааҿахеит.
Иарбан, мшәан, сызҭиҵаауа. Сара исыхьхьоу сара
исызхоуп...
– Аԥара сымаӡам, иаанышәкыл, сҭыҵуеит! – сҳәеит
сара.
– Аԥараҳәа уаҳҳәама?.. – иҳәеит уи, – узԥада?

Сгәы еибакӡаны саб ихьӡи ижәлеи неидкылан ис­
ҳәеит, аус ахьиуазгьы нацҵаны.
Уи ԥыҭрак ҿымҭкәа ихы иқәыжьны ус дтәан. На­
ҟыстәи машьына гәарҭак рфарақәа рылашара ԥсцаха
ҳарым­ҭо, аҿыф-сыв, аҿыф-сывҳәа иҳавҟьаны ицон
акраамҭа.
Ашафиор иватәаз даахьаҳәын, сара даасыхәаԥшит.
– Уара уаб еиԥшҵәҟьа уқәацәхозаап, – иҳәеит уи
ибжьы татаӡа. Иаразнак издырит уи зықәрахь инеи­
хьаз аӡәы шиакәыз, – алашара уахьаԥырагылаз узбон,
ухәхәа­ӡа, уарԥысхазаап...
Ага ҳлаӡаанӡа уаҳа аӡәы ҟытҳәа ҿимҭит. Ашафиор
ид­тәалаз дҳәыҵәыҳәыҵәуан, дқәыԥсычҳауан, дқәыԥ­
сыч­ҳауан. Ақалақь ҳҽанагәылаҳхала, амашьына аан­
гылт. Сара сҭыҵт. Ашафиор иватәазгьы дааҭыҵт.
Кьаҿк, ҵаӷакы. Ихы-иҿы цқьа ишызымбозгьы, уаҩы
за­манаӡак шиакәыз ҩашьо­мызт.
– Иҭабуп, сара сцап уажәшьҭа!
– Уаагылишь, – иҳәеит уи, нас ашафиор ихы наиқәи­
кит: – Уаҵәы ахәылԥаз Аҟәаҟа ҳцахуеит, асааҭ фба
шы­ҟоу араиком аԥхьа усзыԥшы. Уаанӡа уҭаацәа убап
узхара!
– Иҭабуп! – иҳәеит ашафиор дгәырӷьаҵәа. Ажыжә­
ҳәагьы имашьына аақәирҵәиаан, днаваҵәины дцеит.
– Уара, уаха уахьцо умоума? – дҵааит уи даасыдгы­лан.
– Исымамкәа... Ҳаҩны ыҟами!..
– Шәыҩны ашә аркуп!..
– Шәара иабашәаҳаи?..
– Издыруеит!..
– Исашәҳәа нас, ижәдыруазар, – сҳәеит сара, шьаҿак
иара иахь снаскьан, – исашәҳәа ихьыз, измааноу?!.

– Уара иуҭаху рацәахаӡеит, – иҳәеит уи, – урҭ зегьы
рҭак сара исзыҟаҵондаз... Амала ианакәызаалак иу­
хоу­мыр­шҭын, уаб дышхаҵоу, дышкоммунисту, дыш­
уаҩыцқьоу...
– Нас?
– Аамҭала дақәшәеит... Уи аҵыхәала иуасҳәо ҳәа
ак­гьы ыҟам. Иаргьы иасҳәеит «ахаҵа дызнымио акгьы
ыҟам» ҳәа, уаргьы убасҵәҟьа уасҳәоит. Ишыдыдуеиԥш,
қәа ауам!
– Бзеила!
– Уабацои?
– Ара... Суацәақәак рахь...
– Ауаҩы дызқәымшәо егьыҟам, издырхуада уаҳа
ҳаи­бам­бар, – уи днасыдгылан, снапы аанкылан иааир­
ӷә­ӷәуеит, – бзеила!
– Бзеила!
Днасыдҟьан, дыццакы-ццакуа, асасааирҭахь иҿы­
неи­хеит.

Саб сахьнеигалоз иҩызцәа рҿы сцеит сышиашаз.
– Унан! – лҳәан, саагәыдылкылт аԥшәма ԥҳәыс, аб­
жьаа­ԥнеиԥш акәымкәа гәыцхәҵас. – Уаб дырфеит,
да­­гьыр­зымхеит!.. – дааиҵақьны наҟ аԥенџьыр днад­
гылеит.
– Бҽынкыл бара, зынӡа амитә ҟалазшәа аҷкәын
игәы ҭыбымҟьан, егьҵасым! – иҳәеит лхаҵа.
– Уи доурышьҭып, ус ицаӡарым, аха дзақәшәаӡазеи
ҳәа ауп акәымзар... – лҳәеит лара лгәи-лылаӷырӡи
еилаҵәо.
Снеины иара дызхатәаз астол снадтәалеит саргьы,
сагьыԥсымкәа, сагьыбзамкәа.

Ауада ашә рчаԥазар, сан лпатреҭ уа иҩнахаӡеит... Уи
уажәы ҭынч алашьцара далаччо дкыдуп. Лыԥсы анҭаз,
саб иаара дазыԥшны дантәаз еиԥш...
– Акрыфала! – иҳәеит уи.
Схы сҩахан снаихәаԥшит, уажәы дызбазшәа. Уи
еила­ҭәахк иакәын, уажәшьҭа иарԥысымҭа дҭагылан.
Ҳаблақәа анеиқәшәа, уи дааччеит.
Снапы асмыркуашәа аниба, аграфин иқәгылаз ахҩа
ахи­хын, ҩ-фырџьанк ирҭәит.
– Дауҭ ирласны дхынҳәырц! – иҳәан, ижәит.
Саргьы иаақәысхын, сҩахан изжәит. Сҟырҟы зегьы
ҩҭы­б­лаан, сҿы ԥыҭрак еимаҳәахны иакын, исзеи­
хымх­ӡеит.
– Унан, уарамыжда, асаби ауатка иржәны даурбыл­
уа­ма! – лҳәеит иԥҳәыс.
– Уажәшьҭа дхаҵоуп... Дхаҵамхаргьы ауам...
– Ауадаҵәҟьа имамызт, иара ихы зегьы ирхибаа­
уан, – даҿын аԥшәма ԥҳәыс, – уи ала аҳәынҭқарра
еиҿукаауа­ма, џьара уаҩҵас иҟоу акы уҩнал ҳәа сиҿын
еснагь, аха иара дысхыччон, «сахьӡоит» иҳәон. Иалакны
ирблааит уи ацәгьа-мыцәгьа изныҟәызгаз зегьы...
Ауадамкәан, жәык атәарҭа ыҟам. Наа имнеиуагь, џьара
маҵура хәыҷык роур, ԥшьба-хәба уада ирыҩналоит...
Аӡәы харантәи дааит рҳәап, егьи – ҳаԥсцәа рҟынтәи.
Убарҭ ауадақәа рзы акәӡоу џьу­шьап арахь иалыхәхәа
изаауа... Ҳраион ахь. Убас дахьиашацәаз азоуп шьап­
ҿаршә зизыруз.
– Ибыхьзеи бара, уаха?.. – дналабашьит уи лхаҵа,
– Дауҭ дзакәыз ажәлар ирдыруеит... Ауада акәым аус
злоу!..
– Саҟәыҵӡом... Сзаҟәыҵрызеи, – лгәы ԥыжәжәон
уи, – ауаҩ иаша дшәарҭахазар, зегьы шәызҿу башоуп.
Ажәлар мкәан, ажәлар егьи иааиуа изгьы дыбзиоуп
рҳәоит... Урҭ рхы ахьахыргара ауп изышьҭоу...

– Сгәы ԥжәеит ҳәа ибҿыҵашәалак бымҳәан, ажәлар
рус – ажәлар ирдыруеит. Знык рыбла ушәаҳаргьы,
аҩынтә раан игәарымҭар ауӡом!..
– Изгәарымҭазеи нас, уажәы?!
– Бара бызусҭада, баргьы быжәларыми?!
– Сара исҳәо акгьы алнадом акәымзар, сахьноугалак,
абыржәы исҳәо сҳәоит...
– Аҳәара мацара кыр ҟанаҵондаз...
Урҭ еимаркуаз сара сзы иҿыцмызт, саб дҭаркаан­
ӡагьы уахи-ҽни сазхәыцуан. Аха уажәы аҽакала сыб­
лақәа аатит, аҽакала избеит. Абри аԥҳәыс илҳәаз рахь
акы ҵа­быргуп! «Убас дахьиашацәаз азоуп шьапҿаршә
зизыруз».
Сара уажәы ара стәоуп, сан лпатреҭ иууаӡа ахала
ин­хеит. Уажәы-уажәы саб дааҩналан, алашара аиркра­
шәа, алашьцара далаччо дыԥшуп, дыԥшуп...

Ашьҭахь зыҟны сыҟаз аԥшәма, ацхаӡҩа аԥшшәы
змаз абажур даҵатәан исеиҳәеит, саб макьана Аҟәа
дшахырымгацыз. Дсыҳәеит саб иҵыхәала сҵааԥшаауа аусҳәарҭақәа рахь сымнеиларц... Уи иара иа­
ҳаргьы, игәы шинар­хьуа. Зеилкаара аҭаху, иара ишеи­
ликаауа...
Анцәа имҭоуп, адунеи ауаа бзиақәа агым, ииашоуп,
урҭ аӡыркәиқәа реиԥш аҵх лашә ду иахьалаԥсоу, иа­
куеит, ицәоит, аҵх рзеиҟәжәом, аха алашара абла
уҭадыр­ԥшуеит... Уаҵәы шымшу угәаладыршәоит.
Абахҭа дышԥаҭаку саб?... Аҭуан иаҵакьысуа ауаҩ
нырҳара, деиҩырҿахәа адашьма дықәыжьну?.. Аи­
хатә­шәы хьанҭа ахышә инкылырҳәҳәан, қәабшь­
ҭык иҭарҟааны аба­ланда иқьышә инықәкшан ианы­

неидырклак... Амла дакны аҟаԥы-аҟаԥыҳәа ифону?..
Уб­раанӡа днаргану?..Адырҩаҽны Аҩӡыбжьараҟа сдәықәлеит. Саб иҩыза
ажәа исҭеит, ажәабжь азы иара иҟны ада аҽаџьара
сшым­неиуа ала.
Ҳуада снагәыдыԥшыларгьы зынӡа сыдымгылаӡеит.
Сан­гьы уа «дахьҭакыз» збарц сҭахымызт...
Аҩӡыбжьараҟа саннеи, ҳаҩны саҩсны Шьасиа лахь
сцеит. Алакә аҟны акәхап ас иахьыҟалало... Уи рла­да­
хьы амҩа санаанылалак, сгәалҭон. Уажәы еиҳа ааскьа
дыс­ԥылт. Аҭыԥҳанаӡа, мшәан, дҟатҟато, лых­цәқәа
ҩба­ны иԥа­ны лыгәчамах инықәсуа саԥхьа дгылоуп...
Лыб­ла еиқәа­рақәа алабжыш рхыҳәҳәы.
Сара ԥыҭрак ҿысымҭит... Сҵәыуар ҳәа сшәон. Ихаҳәха­ны иҟаз сгәырҩа, уажәы Шьасиа саныналыхәаԥш,
иԥ­сасин, лабжышха иҩеины сҟырҟы икылачны са­хәаҽ­
уан. Ԥыҭ­рак ҿымҭ слыдгылан, нас схы сҩахан саны­
налыхәаԥш, лылаӷырӡ еималан ицон...
– Ус ҟабымҵан, Шьасиа, сара макьана сыԥсы ҭоуп, –
сҳәеит сара, сыԥсы ахьҭоу митәык сылшазшәа.
– Ус умҳәан! – снапы аанылкылт уи, сыԥсы ахьҭоу
сна­паҿы акәушәа.
Лнапы татаӡа сыԥсы ааснаргеит. Иааныскылан
иаас­­шьышьит. Уи лыбла еиқәарақәа ааҭбаахеит, даага­
чамкит. Ишызбоз дхәацыхәаԥшьха дааицрашәеит.
Сар­гьы схы-сҿы еицрашәаны иҟазар акәхарын, сеи­
лыблаауан сахьгы­лаз. Ашьшьыҳәа лнапы анааусышьҭ,
лхы ларҟәны ԥыҭрак дгылан.
– Саб иҳәон... Иаха... – лҳәеит уи дхәыҭхәыҭуа лыб­
жь­гьы лнапқәа реиԥш итатаӡа, – ақыҭаҿ ауаа реи­ҳараҩык ргәы канажьит уаб изыруз... Ишырҳәара рыз­дырам. Иара саб иакәзар, абри аҩаха уаҩҵас дмы­цәаӡац...

Шьасиа лыҩны ахаан сымнеицызт, лаб, лан ртәы
рацәак исыздырамызт. Уажәы абри анылҳәа, исзым­
дыр­уа гәыцәхәцәақәак рыԥхара ааснырызшәа сҟалеит.

Аха сара сгәы иаанагомызт ҳаҩнду, еицырдыруаз
ашәа­рыцаҩ иҭынхара, саби сареи ҳзы аакьыскьа ҷы­
дала аԥаҭхь шьҭыхны иахьыржәуаз, ас исԥылоит ҳәа...
Егьаумҳәан, аброуп зегьы реиҳа исызгәакьоу сыд­
гьыл ҽыҭ ахьыҟоу, ашоура цәгьа аан, скараха санынатәо
сыԥсы сзырго, ашьац зқәышьшьы иҟоу ашәшьыраҵа
ахьы­ҟоу...
Агәашә санынҭала, зегьы сырбон... Зегьы аҩны
иныҩнашьшьы ицеит. Саргьы ас анызба, амаҵур­ҭахь
сымнеикәа сҿаԥарахь снеит. Уажәы убра сахьы­ны­
ҩналаз иаалыр­ҟьан агәра згеит, уажәазы, абри аҿаԥара
ада сара истәу акгьы шыҟам... Аха убригь рацәак нҵыра
шамам. Сцәа иалашәахьан, уи исызгәакьаз сыдгьыл
ҽыҭгьы шсыҵырԥаа­хьоу, ауапа еиԥш ишынасыҵырхыз
сшьац татарагь...
Аҿаԥара сныҩнаԥшы-ааҩнаԥшит. «Силиуминатор»
кылхәхәаӡа еергьҳәа акәын алашара адәахьынтә
ишаа­нагоз. Ахьатә ӷәқәагьы еиларшан, еилаҵәины са­
хьахәрақәак рнын, аха урҭ реиқәыршәара, реиҿкаара
сылшомызт...
Сымтәаӡакәа саб икаба ашәындыҟәра иааҭыхны
сна­хәаԥ­шит, икылыхәхә-кылыхәхәӡа ианыз ахҭыԥқәа
снапы нархьысшьит... Нас иаасырҽын, наҟ инҭасҵеит.
Схарахаԥшуа сгылан, сгылан, сгылан... Ари аҿаԥарахь
ма уаԥсҵәык азна алашара аарҭа амоуп... Аха сан
лпатреҭ ахькыду ауада лашьцаҟаҟараӡа иҟоуп...

Ус азал ахь ҟыгә-чыгә быжьқәак геит. Нас уи дыҩ­
налан иҿааихеит Аџыр. Ишьапышьҭыбжь здыр­уан сара,
шә-шьапышьҭыбжьык ирылазаргьы ирыл­скаауан.
Амшын агәаҿы иԥҽит амшынуаҩ дызҭаз аӷба, уи
иԥсы еи­қәирхарц дааит иара... Иԥсы еиқәирхарц...
Амшынуаа рзакәан ду наигӡарц... Зыӷба ԥҽыз иԥсы
рыцҳа еиқәирхарц. Инаԥшуагьы иџьыршьартә, ихыр­
хәан рԥынҵақәеи рымгәа­қәеи еидкьысло иԥылартә...
– Уааишь арахь, уара! – ибжьы геит Аџыр.
Уи азал еиҩшаны икабинет ахь дцон.
Игәы аналаҟаз «принц» ҳәа сықәҿиҭуан, игәы ана­
лаҟа­мыз «Баҭал» ҳәа Уажәы – «уара». Сыхьӡ ишьозар
акәхап.
Снеит.
– Иҟоузеи, уара, иҳаумҳәо еилукааз?!. – дыхшәаа­ны
дыҟан уи, иара иакәу џьушьап аӷәраҵа иҵаку.
– Иҟоу шәара ишәымдыруеи?! Саргьы убри ауп
издыр­уа..
Уи иҭаҷкәым ду раҵәан ишилшоз аӷьеҩҳәа астол
ины­қәикшеит.
– Уара! – иҳәеит ижьцәа иҿыдды, имышҭықь алҩа
ахы­быб иҿыхуа, иҿыҵакуа, – уара!..
– Изакәызеи?..
– Ишԥыкәу, уара, ушсацәажәо уцәқәырчны? Уара
сухәыҷума сара?.. Ахәыԥҳа иеиԥш усааӡазар, аҵара
усыр­ҵазар, амла уасмыркызар... Нас ишԥыкәу, уажәа­
қәа ҭлап­ҟаӡа, усҿазза ушсацәажәо?!
Сара сгачамкны сихәаԥшуан. Рацәак ҿархасырҭас
дахьсымамыз ауп акәымзар, абасҵәҟьа акәын ашкол
аҿгьы дшыҟаз. Абасҵәҟьа!..
– Убас исҳәоз хеиҵомызт уабгьы, аха иахьысҳәаз
дкылнагеит! Уи аҿы сара исҳәоз номер амаӡамызт,

уажәы зегьы ҳалахь ада ԥиҵәан, ҳхы шьҭыхны уаҩы
ҳазихәамԥшуа ҳтәоуп!
Зылахь ада ԥҵәашагь аӡә иоуп!..
Ус Марасагьы ашә аалыртын, зныказ лхы аакыл­
рыҳә­ҳәан, нас дшеибгаз дааҩналт.
– Сыԥхӡаша изыӷьашкааит, изҭәагашоурахааит,
ихәы­ҷы-иду, исас-ицәас, смыцәа-сымтәа имаҵура са­
ҿымзи! Арахь зе­гьы ааӡабны исхызгозаарын, зегьы аӡы
иеиҭазаап!.. Диида, исаҳауазеи, хынкыдҟьа, диида! –
лҽыҭҳәаны даақә­гылт Мараса, избахьоу лакәӡамкәа.
Сара урҭ неимда-ааимдо срыхәаԥшуа, ҿымҭ сгылан.
– Уара, уаҳа ушьҭыбжь смырҳакәа, исҳәо уацныҟәа
абыржә­шьҭарнахыс акәымзар, убас сузцәырҟьап, аха
ишԥа! – даҿын Аџыр, – ухы уоужьын уара, ахаангьы
шәхы шәкәа­чран шәара!
– Ҿааҳәыра имоуааит, – даҿын Мараса, – сысабицәа­
гьы саргьы иаҳхымӡаауа ахьӡ ҳаҭан ҳанижьзар!
Аурычра ашьҭахь ҿышьҭхьас иршьыз аӡыс еиԥш,
сыр­фон срыҿҳәаны. Рылаҿымҭкәа, сырԥырҵны, аҿа­
ԥараҿ снеи­ны сшеилаҳәаз сиарҭа снықәиеит.
Ма сан лпатреҭ сымазар, абни сара аҩналарҭа зыс­
ҭаз алашара иазааигәаны икыдысҵар, снахәаԥшцыԥ­
хьаӡа инасахәаччаларын...
Сыԥшит мчыбжьык, сыԥшит ҩымчыбжьа, аха
бзеира ҳәа акгьы саҳауамызт. Аԥсуа литература азы
рҵаҩыс дҳа­ман, ҿыц иаарышьҭыз ӡӷаб қәыԥшк, убри
дсазҵаауан акәымзар, уаҳа рҵаҩык ихы насықәкны
акы насеимҳәеит. Сцон, саауан. Ездора иакәзар, ихы
шьҭых икны, данаасы­валалакь, дыцәқәырчны дсы­
хәамԥшӡакәа дсывсуан. Ихы ҟәазӡа, ихахәы шкәакәа
хьыдыҩруа, урылагьы ҭбаарылагьы сара саҵкыс деи­
ҳан. Инапы ҟьаҟьа дуқәа еснагь иар­т­ны иваԥсан, ак­
шараз исдыркрызеишь, – лабоума, ха­ҳәума ҳәа игәы
иаанагошәа. Имаҷҩымызт акгьы ҟамла­ӡазшәа сзыр­

барц зҭахыз аҷкәынцәа, аха иалҵуамызт. Мыџьа...
Убри иакәын сҩызцәа аҷкәынцәа рахьтә, згәы иал­
сҵәҟьа­ны, исыцрымҵуа исыцыз. Уи ԥасеиԥш дҭын­­
чын, идырҵоз зегьы ҟаиҵон, аҵара бзиан иҵон.
Дҟәышхеит, ак­реиликаауа, ацәгьеи абзиеи еиҩи­ды­
раауа дҟа­леит.
– Уҭахызар Агаҟа ҳцап! – днасыдгылон уи. – Иҟоу
аиаша еилаҳкаап...
– Еилаҳкаауазеи?..
«Сахьуҭаху, сахьуҭаху... Усмеигӡан, усмеигӡан, са­
хьуҭа­ху, сахьуҭаху, сахьуҭаху...» – рҳәон уи иблақәа.
Иҩықәыршәны дырҩегьых Ага сцеит. Авоенкомат
аус­зуҩы илахь еиқәын. Саб Драндаҟа дыргазаап.
– Уеиҭадҵаал... – иҳәан, схы шьышьны сдәықәиҵеит
саб иҩыза.
Аха изхәарҭоузеи, бзеираҳәа, уаҩ дзықәгәыӷша
егьы­ҟа­мызт.
Уахык зны Аџыр иҿы дааит Ездора ианшьа. Аҩы­
џьагьы Аџыр иуадахь иҩнеибагалан акраамҭа еицәа­
жәон. Нас сара снарыԥхьеит. Мараса лҿала. Саны­
ныҩнала, урҭ аҩы­џьагьы рҽеиқәырԥшьыхаа, еихыкеиҵыкны астол иахатәан.
– Иудыруама, уара, уаб дзыхҭакаау? – дҵааит уи,
иажәақәа ибз иқәыркәымпылуа.
– Исыздырам!
– Ишԥоузымдыруеи, иумаҳаӡеи?!
– Исаҳауа зегьы хасҵома сара? – илакҭа ҭкааны
сынҭаԥшит. «Уара уакәым, амаҟаҿамҳәа, уара уакәым...
Иҵегь, иҵегь ҳаӷәӷәоуп... Уара уакәым, уара уакәым...»
– илаԥыџь шкәакәақәа ҽырба-ҽырбо еихаԥсон, еи­
хаԥсон...

Убри илакҭа санынҭаԥшыҵәҟьа, саб изы џьара
бжьа­­жьа­рак аҽыҵәахны сгәаҿы иҟазаргьы, иаразнак
иныб­жьаӡт.
– Уара ухәыҷым уажәшьҭа, акомҿар уалоуп, еилу­
каа­роуп... Уаб егьа абааԥсы ҟаиҵозаргьы, ҳара ҳзакәан
уара ушәқәа зегьы ҟьаҟьаӡа ишаарту иннажьуеит. Убри
аҟнытә, уазхәыц цқьа... Уазхәыц уаб иусқәа, иудыруа,
иуеиҳәа­хьаз...
Сара снеилууа сцеит. Раԥхьа иқәгылаз амиланҭра
ԥшьыр­кца дугьы снахәаԥшит...
Аха иаамҭамызт. Иаамҭамызт... Абарҭ сахьын­ры­
хәаԥ­шыз агәра згеит саби сареи ҳаамҭа шыхынҳәуа.
– Сара саб иус аӡбара шәара шәнапы ианырымҵеит,
уи иара иқәнаго ауаа рыԥшаап!
– Урҭ рыԥшаахьеит!..
– Уцәажәашьоузеи, уара, аҷкәын хаԥыҩлашәа иҟоу!
– дсықәҟааит Аџыр, – иуацәажәо дызусҭоу умбаӡои?!.
– Изымбои, избоит... Убри азоуп абас сызцәажәогьы!
– ашә аӷьеҩҳәа иҩкыдыжьлан, аҿаԥара сныҩналан
иасыркит.
Убри аҽны нахыс избон, исаҳауан: Аџыр иҿы шьоу­
кы шцоз ишаауаз, ишаауаз ишцоз. Иаргьы, инас­кьаго
иааскьаго иман дықәын.
Уахынла акраамҭа дышьҭалаӡомызт, икабинет иҽыҩ­­
накны дтәан.

ҲАԤ ХЬА ИҞОУ П. . .
УАҴӘТӘИ АМШ
Ҽнак, аҵыхәтәанӡатәи аурок азы акласс ҳаҩналан
ҳанынатәа, Ездора имел аашьҭыхны, акласстә ӷәы акы
анҵара далагеит:

Алаҳәара
Уаҵәы асааҭ хәба рзы, иҟалоит акомҿар еизара.
Амш азҵаара: Акомҿар иалоу.... иус....

Сара сакәын зус рыӡбоз. Арҵаҩы дшыҩналахьазгьы,
Ез­дора ажәала ирылеиҳәеит аӡәы дагымкәа ишааиша,
ара­ион аҟынтәи ауаҩы дшыҟало.
Иара иӡарц иҭахӡамызт, сус дазыҳаҵҳаҵан дшашьҭаз.
Ибзиоуп, Ездора!
Адырҩаҽны захьӡыз аурокқәа ирылгаанӡа ашкол
ахь смааит. Аурокқәа рынҵәамҭазы саб Москвантәи
исзааигаз сыблуз ҟаԥшь сышәҵаны, Маи акы амш­
ныҳәахь сцошәа­ҵә­ҟьа ашкол аҿы саакылст. Сгәы ҭыԥ­
саауан, иҭыԥсаауан...
Шьасиа агәашә нҭыҵ дысзыԥшны дгылан. Уи абри
иҟа­лаз убасҟак игәнылгон: лыблақәа ҵҟаа, илыг­
нархеит... Исҭахын дсыжьжьарц, акы усыс исы­мам­
шәа лсырбон, аха иал­ҵуамызт. Иҟалаз уи ауп, саргьы
сыжьжьатәын.
Шьасиа лышықәс шаҵанакуазгьы, макьана аком­
ҿарра даламызт. Аизара дахьзаламтәоз лгәы ҿкааны
даман.
– Еиҳагьы еиӷьуп! – сҳәеит сара.
– Абра сыԥшуп сара, егьарааны иалымгаргьы... – Уи
лылаӷырӡқәа ддырцәажәомызт.
– Шьасиа! – сҳәеит сара, – ҳара уажәшьҭа ҳаҽҳарӷә­
ӷәа­роуп... Уаҳа ԥсыхәа ҳамам!
– Сыԥшуп...
Аизара иалагеит. Ашкол хазы аизара ҟаҵарҭа ама­
мызт. Убри аҟнытә зегьы еизеит ҳара ажәабатәи ак­

лассаа ҳзыҩназ ауадаҿы. Уи акласс ашкол аҿы зегьы
иреиҳан хыԥ­хьаӡарала, изыҩназ ауадагьы егьырҭ зе­
гьы раасҭа иҭбаан. Сара абжьааԥны сахьтәац стәан.
Мыџьагь дсыва­тәан. Уи ихы шьҭацаланы акы иӡ­бон.
Акомҿар еизара рҽа­ладырхәит апартиа иалаз ар­
ҵаҩцәа... Ирҳәон араион аҟынтәгьы аӡәы дыҟоуп ҳәа,
аха уи дагьызбомызт, сагьишь­ҭамызт.
Аԥхыӡ салазшәа акала сыҟан. Сара сзы зегьы дара
ра­­кәын. Акызаҵәык, еиҳарак сгәы иҭыхоз – сара аҳәа­
ра ансықәшәо, уажәы сышьшьылаҳауа сшыҟоу еиԥш
исызҳәа­р­гьы исзымҳәаргьы зегьы сзеиԥшны сҟа­лар
ҳәа сшәон.
Аизара ишалагаз, иалырхыз, иалрымхыз – хантәа­
ҩыс, маӡаныҟәгаҩысгьы – исгәалашәом. Акызаҵәык,
быжьрабыжьҵәа иҵыҩуашәа са сҟынӡа иааҩуаз сыхьӡ
акәын.
УИ ныҵакны, аҳәара иацәшәошәа, изҳәоз ыҟан,
аҽа­ӡәы – иику импыҵыҩрыр ҳәа дшәоушәа – иҵегь
арыцҳа­шьара илан, шьоукых – иааҭдырҟьон, адуель
ахь снарыԥ­хьозшәа.
Ус ибжьы саҳаит УИ.Аҭҳарцәҳәа саалҵын, ахаҳә еиԥш
сеилаӷәӷәа сааҟалеит. Нахьхьи астол дахьахагылазгьы
сылаԥш наиқәшәеит. Ихахәы еилачны, ихы-иҿы гьам­
гьамуа, игәы ҭырсакьан, уи ибжьы акырӡа иныҭганы
дналагеит. Аиха лабала аӡәы уисны, иухьма ҳәа уиз­
ҵаар еиԥш акәын уи ицәажәашьа шыҟаз. Ииҳәоз зегьы
жәаҭын­хан, аха дмыццакыкәа, игәы ԥжәаны акәымкәа,
ԥсыхәа змам, даара дзызхәыцыз акы иҳәозшәа даҿын.
Ибзиоуп, Ездора! Ишьахәуп, Ездора! Ус ҟьыц-мыцла
уцәа­жәар ҟалома, уара заԥхьаҟа иԥшуа ҷкәыноуп...
Уан­ҩыҵ­шәа инаркынгьы убас уҟан!..
Дҳәацәон. Сара аханатәгьы саб ишәшьыра сшаа­
нагоз, УИ (сара саб) иҳәатәала ашкол аус шеиҵарҟьоз.
Иара иа­шьа гәакьа Аџыр, аҵабырг ада аҽакы ззым­

дыруа, аӡәгьы сихәандаз, аӡәы акы аҿы дкылсындаз,
акы даԥсахан­даз ҳәа зҽызшьуа ауаҩы, шьаҿацыԥхьаӡа
имҩа дшангылоз. Убри сара сыбз шиҵаз. Саби сареи
уи ԥсцаха шиа­ҳамҭоз, дымҩахаҳҟьарц, ҳара ҳтәахьы
диаагарц шаҳ­ҭахыз. Аха Аџыр ипартиа ламыси иц­
қьареи дшеиқәдыр­хаз!
Ибзиоуп, Ездора, ибзиоуп! Ездора, уара инаскьо
уаҩ­ԥсуп! Ибзиоуп, Ездора!
Нас Ездора далагеит Арзаҟан иус атәы аҳәара. Уи са­
ра саб дцәыҵаҵәахны дышимаз... Иахьеи-уахеи иреи­
ӷьыз ауаа ашәақь аҵа икылакны изкыз абрагь иҭыԥ
даны­қәаҳ­ҵа, аус алхны, шеи-шықәсеи егьызхараӡа­
мыз ауаа рххо има дшықәыз. Уи иеиҵаҟәаҟәақәа ала­
хиҩарц, дара драцәажәан иаргьы иеихсыртә ишыҟаи­
ҵаз акәым­зар, иԥсы шҭаз дныжьны ишымцашаз... Иара
Ез­дора ихаҭа акомҿарра даламҵакәа, дырххо дрыма
ишы­қәыз. Убригь сара сыбз шалаз... Иара сара, аком­
ҿар­ра саналала ашьҭахь, Арзаҟан инышәынҭра аҵәа­
қәа шы­қәысҵоз...
Дҳәацәон, дҳәацәон, дҳәацәон...
Ибзиоуп, Ездора! Ездора... Уара ақәҿиара дуқәа
умоуп!
– Сара, – иҳәеит уи аҵыхәтәан, ибжьы аалаирҟәын.
Схәы-сжьы қақаӡа иҩеилагылт. Шьасиа лҭыӡшәа алеи­
ҵар ҳәа саашәеит. Аҽны ҳаицны ҳанибаз адагьы, игәас­
ҭа­хьан дышҳа­шь­клаԥшуаз...
Аха зынӡаҵәҟьа иламыс цама!
– Сара, – иҳәахт уи, – исҳәарц салагар, убасҟак аҳәа­
тәы сымоуп, аха ажәа шәзасыршьуазеи... Уаҳа уҳәар­гьы
иумҳәаргьы – зегьы еилыкка иҟоуп, уаҩ инапсыргәы­
ҵа иқәушәа ибартә. Иҟалоит, Баҭал ихы дазхәыцхьазар
ариабжьарак... Сгәы иаанагоит, агәра згаргьы сҭахуп,
иаб иду ахара дшақәыӡбо... Ҳәарада, ҳара иаби иареи
рхара еиҟараҳтәуам, уи дышхәыҷыз дымҩахҟьан, аха

егьа ус акә­заргьы, иду аара ала, акомҿарраҿы уаҩы
дизныжь­уам... Ҳаԥхьаҟа, ихаҟны иҵегь ихшыҩ ааир,
«аҩызцәа, зегьы еилыскааит, зегьы сыдыскылеит, сеи­
ҭаирц сҭахуп» иҳәо­зар, усҟан ҳахәаԥшып. Уажәазы,
сара исыԥхьаӡоит уи акомҿар рҿы иҭыԥым ҳәа!
Удырҩатә еиӷьхааит! Ездора! Ижәбома, иара убас
иԥхьаӡоит, иара дызусҭоу шәымдыруеи! Аферым, Ез­
дора!
Уи ашьҭахьгьы иааҟәымҵӡакәа ақәгылара иаҿын,
аха бжаҩык ирҳәоз саҳауамызт.
Арҵаҩцәа рахь аӡәы дықәгылан, аҵараҿы сеилкаара
шыбзиоу, аурок аан слеишәа шыцәгьам, азеиԥш ус
аҿгьы сыш­хәыдам, аха ҩныҵҟала ас сахьыҟоу игәы
ишалоу да­лацәажәеит.
Шьоукы, «иаб диқәыӡбозар дааныжьтәуп» рҳәеит,
шьоу­кы «мап» рҳәеит. Ҩбаҟа сааҭ убри еимдырххон.
Аб­жаҩык ус рыхқәа рықәыжьны иӡырҩуан.
Аҵыхәтәан, ажәа сара исырҭеит. Сыҩныҵҟа ишуаз
хәыҷы-хәыҷла иаҟәыҵуа аҽааиқәнакит, сцәажәартә
сыԥсы аазгеит.
– Ҳанхәыҷқәаз, – сналагеит сара иаразнак, сым­лакҩак­кәа, – амшаԥ азы акәтаӷь ҟаԥшьқәа ҳаман агәы­
лацәа ҳрылалон...
– Амшаԥ акәым, уус атәы ҳәа?
– Аҽхырцәажәара акәым, угәы иҭоу цәырга!
Ари зҳәоз аԥхьа итәақәаз ракәын... Аԥхьа зҽеидкы­
лан итәақәаз. Ус издыруан урҭ, иахьеи-уахеи ҳаибабон,
«мшыбзиа», «хәлыбзиа» ҳзеилан, аха ианакәызаалак
исзеи­лкаауамызт, еилыскаарцгьы сҭахымызт. Ачча са­
куан ахаангьы, аԥхьатәи апартақәа рҿы атәара иашь­
ҭеибаҵо иашьҭақәаз анызбалак... Урҭ зны раԥхьатәи

апартақәа рҿы итәеит... Нас аизарақәа рҿгьы аԥхьаҟа
итәо иалагеит. Ир­ҳәозгьы еицырҳәон. Исцәымӷын урҭ
аԥхьа атәара иахам­шәало зегьы!
– Шәиҟәаҵ, уара, ацәажәаха ишәҭ!
– Егьырҭ анцәажәоз, иара акры иҳәозма?!
Иааиларыԥсеит сара исыкәшан итәаз рахьынтә
ԥыҭ­­­ҩык. Аизара ахантәаҩы даагылан, астол инапы ны­
қәикшаз­шәа иуит.
– Ҳара ҳуҳәоит, иқәгылоу азҵаара уавамгыларц! –
иҳәеит уи, – сгәы иаанагоит ара алафҳәара ԥхашьа­
роуп ҳәа...
– Убри ауп саргьы сызҿу, исашәраӡозар?
– Уи уаҿым, аха уҳалахәмаруеит! – дҩаҵҟьеит
Ездора, – аха еснагь амҟәыба аӡы аанагом!..
Ажәаԥҟала дышцәажәо агызмал, Аџыр иҿиҵаазар
акә­хап. Ихы дирбоит, ихы ӡыригоит. Дышԥаџьбароу,
амца да­қәуҵар дбылуам!.. Иԥсы шҭоу ибаҟа дыргылар
иҭахуп.
– Иарбан, уара, ауаҩы ацәажәаха зишәымҭо?! –
дҩаҵ­ҟьеит Мыџьа, – ари акомҿар еизароу, мамзаргьы...
– иԥсахы ԥыжәжәон, игәы инарҳәомызт уи, – иахьоу­ма,
уара, Баҭал даныжәба?! Иацтәи шәҩыза Баҭал иаалыр­
ҟьа­ны ицәа ааҳәны ихаԥама?! Деилышәкаарц шәаҿу,
дыш­ԥаҭаҳархари, ипара абаабари ҳәа шәашьҭоу?
Мыџьа, уқәақәра згааит! Уара ианакәызаалакгьы
аҩы­зараз сара сыҵкыс уеиӷьын. Улаԥш схын. Иҭабуп,
џьым, сҩыза ду! Саҭоумҵан!
Аԥхьа итәаз зегьы хьаҳәны, еицрашәаны уи ихәаԥ­
шуан. «Уаагыл, уаагыл, уара уҟынӡагьы ҳамнаӡашеи,
ҳамна­ӡашеи, уаагыл, уаагыл!..» – иҟәысҟәысуан рыб­
ла­қәа, рыблақәа.
Ахантәаҩы ииулак урҭ еиқәикит.
– Нас, зымшаԥы кәтаӷь еиҳа иӷәӷәоу ҳәа еинҟьо
ҳнықә­лон. Ишнеи-шнеиуаз, аӡәы итәы аанхон. Уи игәра

мга­кәа дыкны имаҳхуан. Ахаҳә иананаҳҟьалакгьы, ак­
гьы ахь­ӡомызт. Избанзар, иаргьы хаҳәын. Абахәҩыҵа
иҵаланы акәтаӷь еиԥш икәымпылыз ахаҳәқәа рыԥ­
шаауан... Убри аасгәаланаршәеит иахьа Ездора абра
зегьы шәырӡыҩрны данықәгылаз. Уи ииҳәаз зегьы
мцуп, салаԥиҽырц еиқә­иршәаз, еидихәыцлаз ауп!
Иара ихаҭагьы, ихы инаркны ишьапаҟынӡа мцла деи­
баркуп. Убри сара ишыздыр­уеиԥш, абра итәоу шәеи­
ҳараҩыкгьы ижәдыруеит. Уажә дыжәба­ма Ездора! Нас
иҟалазеи, уаха зегьы убри шәиҟаҭәартәеиԥш, аҩызцәа,
сара сшыжәбо сыҟоуп, сшыжәбац сыҟоуп!..
Дырҩегьых еилалт. Ездора дыҵҟьеит.
– Ухатәы ӡбаны, ӡбара уца!
Иажәаԥҟақәа урыхҟьашаны укаҳауеит. Урҭ рыла
шьап­ҿаршә ҟаиҵоит!
– Уара узҵаара уаха иқәгылоу азы угәы иаанаго ҳәа!
– аизара ааиқәикшәа иун, сара сахь ибжьы наиргеит
ахан­тәаҩы.
– Уи атәы шәасҳәап нас сара. Ездора ииҳәаз шымцу
зегьы ижәдыруеит, исыздырам зҳәогьы ихы ахигоит
ауп! Иаргьы дыжәдыруеит, саргьы сыжәдыруеит! Сара
сус аи­зараҿы иқәыргылан ирыӡбартә еиԥш акгьы
салаҟам...
– Уаб изы иуҳәозеи?
– Убри шәҳәар саҳаит... Сара сзыхшәырҟьо акгьы
ыҟа­ӡам, саб дахьҭаку ауп абри зегь зыхҟьа. Аха саб
аком­ҿарра даламызт, апартиа ауп дызлаз. Уи апар­
тиаҿы ирыӡбап!
– Уи апартиа далаӡам... Далырцахьеит! – иҳәеит
ахан­тәаҩы ивараҿы итәаз аҷкәын еиқәа дааҵыззашәа.
Араион аҟынтәи иааит ҳәа зыӡбахә рҳәахьоу иакә­
хап. Саб иусқәа цәгьоуп акәымзар, арҭ акы рзымдыруа
сызҵаара аизарахь икылыргомызт.

– Сара шәсазҵаауазар, саб диашоуп! Диашан саб,
диашоуп саб! Џьара залымдарак аҵыхәала аус дақә­
шәеит, аха, агәра ганы сыҟоуп, уи дышдыриашо!
Цәгьарахеит. Аԥхьа итәоу ргәыԥ еилаҩынтит.
Ездора дыҵҟьеит. Аԥхьатәиқәа ргәыԥ гылт. Урҭ
аԥхьаҟа итәақәаз раԥхьа дтәан аҭоурых азы арҵаҩцәа
руаӡәы. Сынтәа ауп данаазгьы. Убригь дгылан акы
лҳәон, лоура­зоу­роу деицрашәаны, уажәы-уажәы лы­
лаԥш ҭлырҟьон сара сахь. Насгьы лыхәда адашқәа за­
ҟараз ала, зынӡа сааных­ны аӡы салҭозар акәхарын. Аха
акгьы саҳауамызт.
Иџьоушьаша, лыхәда адашқәа заҟароузеи, арахь
иш­ԥалҵи...
– Уаб диашоума?
– Диашоуп!
– Уаб диашоума, нас?
– Диашоуп!
– Убри уазхәыцны иуҳәома, нас?!
– Агәра ганы!
Зынӡа ицәгьарахеит.
– Удәылҵ! Ддәылышәца!!!
Аԥхьа итәақәаз рыбжьы цәгьан. Абзарбзан ԥын­
ҵақәа реиԥш, ихьарҳәны сара исықәыркит рхы-рҿқәа.
Нас «ахыс­ра» иалагеит. Иҭылашьца-ҭылашьцааӡа урҭ
«абзарбзанқәа рыхқәа» сырҭаԥшуан. Руакы абжьы
ахҿеиԥш ирылҟьан иааиуан. Уи ани зыхәда адаш ҭыҵ­
ны ицоз лоуп, хымԥа­да.
– Ирыцқьа азал!
– Иушәых аблуз ҟаԥшь иушәу!
– Харԥзаҵәы ушкәакәаӡа уныҟәала!
Сара исыкәыршаны итәаз рыхқәа рықәыжьны иӡы­
рыҩ­уан. Ацәгьагь рҳәомызт, абзиагьы...

Аизараҟны итәаз рыбжаҩык гылт.
Саргьы спарта сахыҵын, сышьи-сышьи еиқәҵо,
ашә ныд­сыжьлан сындәылҵит.
Акиноқәа рҿы абри еиԥшу анҭырхуа, ақәа кыд­
ҵәан илеиуа иҟарҵалоит. Уажәы идыдуамызт, има­
цәысуамызт, аха уахьынҳаланы аҩада уцартә, ақәа
кыд­хаҽа алеира иа­ҿыҵәҟьан.
Ахәылԥаз, шәаԥшь ҟьатакгьы цәырҵын, ажәҩан
уақәгәыӷратә иҟан. Аха амшгьы иагәаԥхар, шаҟа ир­
ласны аҽеиҭанакуазеи!
Абарҵаҿ дгылоуп Шьасиа. Уи дызцәажәаӡом, лҿы
акыз­шәа дыҟоуп. Лыбжьгьы мыргаӡакәа дҵәуеит.
– Бымҵәуан! – лгәы сырӷәӷәарц салагеит, аха лҽыл­
зын­кылом.
Шьасиа... Шьасиа... Иҟасҵоз уажәы убри дсымамыз­
ҭ­гьы?! Ааи, дсымамызҭгьы. Уи сара дыстәуп. Саргьы
сыԥсы ҭанаҵы лара лзы сыҟоуп. Уи саргьы исымҳәац,
ларгьы илым­ҳәац, аха ларгьы илдыруеит, саргьы из­
дыруеит.
Принц... Принцесса... Иабаҟоу «ҳҳәынҭқарра?!»
Ларгьы дыччарц лҭахуп, аха иауам, лқьышә ԥшӡа
аҭыԥ илзықәҵом.
Иахьарнахыс абри ашколгьы ашә наркны сдәылҵит,
ин­сыжьӡеит. Хыхь – ажәҩан, ҵаҟа – адгьыл! Амала,
сыҩныҵҟа ишуаз еиқәтәеит. Сҭынчын. Сдәылырцеит,
аха аиааира сара истәызшәа сгәы иабон. Сыламыс
ҭынчын. Сгәы иаанамгоз акы сымҳәеит.
Сгәы иҵалан иҟаз Шьасиа лакәын. Ахәмарра анах­
сыр­ҟьацәалак, саб дыччо, «аҵәуа-фҩы саҳауеит»
иҳәон еиԥш, аиԥырҵра фҩы саҳауеит... Уи сԥынҵа
ар­ч­ыхә­чыхәуан, сыхәламшәы иҭыхон, сылаӷырӡ аана­

гарц. Данбанӡасычҳа­ри?! Лара лгәы злаԥшқоу ала
дышԥаҟало?..
– Баала! – Лнапы кны дсыман ақәа сынцәылт. Ҳа­
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҽыкәаҳа - 13
  • Büleklär
  • Аҽыкәаҳа - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3661
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2510
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3688
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2476
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3644
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2527
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3664
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2441
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3657
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2494
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3617
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2382
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3674
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3732
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2509
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3708
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2377
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2359
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3715
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3639
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3632
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2415
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3748
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2495
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3786
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2467
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3642
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2423
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3716
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2382
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2357
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3638
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2458
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3621
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2472
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3639
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2440
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3686
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2390
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2419
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3072
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2115
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.