LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аҽыкәаҳа - 09
Süzlärneñ gomumi sanı 3708
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2377
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ара еиқәыз амца, аҽа мцан. Уи аҽа мчык амоушәа
акәын зегьы шахәаԥшуаз. Избанзар, егьырҭ амцақәа
– ауаџьаҟ ахь ииасыз акәыз, ааԥын аҟәынџь иадыр
куа акәыз, ихха-ххаӡа ацәашьқәа иркуа акәыз – зегьы
зхылҵыз, рыжәла змырӡыз иара акәын... Абарҭ
аԥацха хахақәа зқьы шықәса ақәа, асы, акырцх, аԥ
ша ркылнаҳәозаргьы, амцақәа мырцәакәа иааргеит
иахьа уажәраанӡа. Уи амца хәыжжаӡа абираҟ еиԥш
инаддыркит ахаҳә зҭыршоу ауаџьаҟ ԥшӡақәа.
...Аԥхьарца! Уи сара зны ҭаҳмадак иаирҳәо са
ҳаит. «Ахәрашәа» аирҳәон. Иахьа уажәраанӡагьы сгәы
иқәыҩуеит. Амаҵурҭа сныҩналацыԥхьаӡа уи кныс
хуеит, икнасҳауеит, аха игәаӷьны ахыц аҿысхӡом…
Знык исаҳахьаз абжьы сашьҭуамызт… Уи бжьысхыр
ҟалон.
– Иарҳәа! – имҵаскуан саб иашьа.
– Амш умган, уҵатәқәа ҵала!
– Иарҳәа! – илымҵаскуан саб иашьа иԥҳәыс.
– Унан, џьбеит, амш узымго, нан, уара!
Аӡәгьы дхьаҳәны дсыхәаԥшуамызт. Урҭ ирҭаххаргьы
ирзарҳәомызт.
– Иарҳәа! – ицәырызгон саб данаалак.
– Издыруандаз, Баҭал... Знымзар-зны ахыц наҿы
сымшьыц, – схы ааишьышьуан саб, – амала сыхәны
санышьҭаз ишԥасҭахыз абри абжьы... «Ахәрашәа».
Уԥсны уқәзар, уԥсы ҭанаҵоит. Ҳара, умбои, абна ҳа
нылаз ҳалан, ҳанылҵгьы хҭацәыха ҳмоуит, – даақәыԥ
сычҳауан уи.
Иахьа уажәраанӡа сыбла ҭырхаха снахәаԥшуеит уи
ахьыкнаҳау. Сара издыруеит абри амарса еиԥш иҟа
ҵоу амҿы-ҭагәаҩа ԥшӡа дунеик аҟара ишҵаулоу... Уи
аҵаҿы уаҩы зеиԥш имаҳац ашәақәа шыцәоу... Ибар
гәузеи, убарҭ ԥшааны арахь иҩазгартә, рыԥсы ҭазҵартә
иҟоу ауаҩы!
Аха агәыӷра сымоуп урҭ ашәақәа ԥсым, ҵәахык
иаҩызоуп ҳәа...
Егьырҭ ахыбрақәа инарылган, ахықә аҽхықәкылан
игылан акамбашьҭра – абора. Уи аԥхьа аҿырҳәы ама
ӡамызт, егьарааны иубаргьы аҿы аартын. Алшықә
саныктәи аԥырча, аҭәа зегьы убра иҭаагәон. Абора
ҿаҵакс иҟанаҵо аҟашәа, алӡынрак ажәкамбашь ҿаша
шахагылаз иахагылаӡан. Нас, ес-ааԥынра, ажәкам
башь ҿаша иацәынхоз аҭәаҿы иҵон акәытқәа. Кәтаӷьк
анырҵалак, акәукәуҳәа иҳәҳәаны илбааԥыруеит, нас
сааҭк егьагымхо агәырӷьара ашәа – «акакара» рҳәоит
иасны.
Акьыба-мардуан ҭбаа икыдгылаз саҿалан санҩеи
лак, ана-ара акәытқәа аҭәа ҭыргьежьаан иахьрымаз,
ицәҩабжьаӡа ихыршәлаз ахырҵлаӷьқәа иҟәашкакара
ӡа ирываԥсоуп ҿыц ирҵақәаз. Урҭ руакы аашьҭухыр,
ишаҳәшаҳәуа унапы арԥхоит.
Ажәкамбашь алеишәа бзиоуп. Уақәтәаргьы ауеит,
аха икьыҿы-мыҿуа иццакӡом. Убри аҟнытә, ари еиԥш
аиҭанеиааига мап ацәыскит, цқьа иангәасҭа. Аха убла
ианааҵашәа, абаҩҷыда алалоит: иагьа игәара ӷәӷәа
заргьы, ахы иҩҭарԥаны амхы инҭаҩры ицоит.
Аҳәарақәа рахь уажәазы акоуп иҟоу. Амш аныбзиоу
уи ашҭа ахи аҵыхәеи ирыбжьҟьаны ихәмаруеит.
Ала Дамшә уажәшьҭа иажәхьеит. Аҟыԥсцәа гьал
гьало, асаса ҭышәшәааӡа, ах-ҟәаз ду иаҵазза идәықәуп.
Рацәакгьы уаҩ дакуам, аха зны-зынла алаԥшҵашәара
амоуп, иҩаҵҟьан иабаз ирзыҭрысуеит. Убри аҟнытә,
ԥҳәыск ҳара ҳахь дааирц анылҭаху, нҭыҵтәи агәашә
дықәгылан ҿылҭуеит.
– Ала ҳамкааит! – мышкы шәынтә иҵарыхәҵәаҵарыхәҵәаӡа рыбжьқәа аҽыҩ-сыҩҳәа иааны ҳашҭаҿы
иҵакшоит.
Агәылара ацара згәы ахымшәаӡо аҳәсақәа!
Зегь реиҳа Дамшә ибаны инхом абжьас еиԥш цәа
ҳәа-цәаҳәа еилоу ацгәы. Иара ацгәы, шамаха, аҩны
иубаӡом, шәарыцара-бназара иҟоуп, аха мышкахьы
знык алаԥш ианыҵашәалакгьы иазхгом. «Ааԥ» ҳәа
ианнамҵаслак, ацгәы ҩаԥан ма ацалаҟьа инықәԥа
лоит, ма амасар ахы инықәтәоит. Алажәгьы акгьы ша
лымшо анабалак, ахы ақәыжьны иаахынҳәуеит.
Ацгәы усысгьы иакым, аблақәа камкамуа иаха
ԥыруа иахоу аԥарԥалыкь, ма аҽакы иазыԥшуеит. Зны
ашьапқәа неимда-ааимдан, абз ҟаԥшь ҭыршәаны ина
рыхьшьуа аҿы аӡәӡәоит. Дамшә аӷра еидаҳалан иа
хьеи-уахеи иагхоит, цәаҳәа-цәаҳәа еилоу ацгәы ахәы
цырцыруа идәықәуп...
Ҩ-шьапык зҵоу рахь ахцәажәара иаԥсоуп ашәи
шәи рбаӷь ду... Маҷӡак иадамзаргьы убз ахы уақә
шәышәыргьы, уи иаҩшәаран иҟаӡам. Иаразнак аҽар
чуеит, аҟара ацнаҵоит, аҵыхәа аԥшандагеиԥш еиҵ
нахуеит, ахәда апатҟәырқәа ҟаԥшьхоит. Ма изакә
бжьузеи иааҭнацо! Амԥан уанықәнабаа, ахахәда ҭҳәа,
надаада икны, иҩны иушьҭалоит.
Зны ҳгәылацәа рхәыҷы ахааҵазы ҳара ҳҿы даа
рышьҭит. Ахааҵа иман дахьындәылҵыз, иахьаанагаз
уара идыр ашәишәи рбаӷь аацәырҟьан, иааи уи иааи
зыҵҟьеит. Иаргьы иԥсахаара цаны, «уаа-уаау» ҳәа
дныҩныҵәаашан, ихааҵа ыршәны ахы иақәиҭәеит.
Нас, ахырҵәы агәыҵатата, ахы иазаҭәамшьазар
акәхап, «уажәшьҭа иҟасҵо ацәа сцәоуп» аҳәоушәа, наҟ
инахынҳәит.
АРЗАҞАН
Актәи аӡӡеи:
– Уа, абри ауԥшәыл дыцәоума?
Аҩбатәи аӡӡеи:
– Дыцәоуп, дыцәоуп...
Актәи аӡӡеи:
– Дыцәоу дыцәаму сыздырам, аха
Уаа, бнацәа дыцәами,
Уаа, бнагәы игәыми,
Уаа, абынҽаҳәыс қалеиҩаӡа,
Аххьа хылԥа, цыӷцәа хамы.
Ала алырҟьан аҽа зшьыз...
Ҳахь-оуԥшәыл ҳазкәыхшаша,
Уа, абри арԥыс иакәӡами?!.
Абра ашҭа сҭыҵны амҩаду санынангыла нахыс, сара
сҵаҩын. Аҵарагьы цәгьамкәа исҵон, сҵатәқәа зегьы
сымч рықәхон. Ириашан, анбанқәа еиҟараны аҩра
садрымцалозҭгьы, егьырҭ схы иқәыскуан... Исхашҭыз
схы исзықәымкуаз аҽакгьы ыҟан: сҵатәқәа рнаҩс
сзыԥхьо ҳәа шәҟәы сымамызт. Ашкол, ақыҭа зегьы
џьара акы узалкаауам. Убрагь сыԥсы иаԥшәмахоз саб
иакәын: ашәҟәқәа сзааигалон. Аха уи мызкы даны
мааӡалак сҿы ҭыршәашәа, зхәы ӡаны ирфаз иеиԥш
стәан. Бзиа избон ашәҟәы аԥхьара...
Ҳашкол зыҩназ аҩны ԥаса Маршьанк итәын. Ир
ҳәоит, ари аҩны зтәыз Амаршьан акраамҭа Урыстәыла
дыҟан, аҵара ду иҵеит ҳәа. Аха аҵара сасуп, ахшыҩ
аԥшәымоуп рҳәоит… Аҵара далган данаа, ақыҭаҿ
зегьы ихыччон рҳәоит. Насгьы уи ҭауадк-аамсҭак
иеиԥш ауаа еилихуа дыҟаӡамзаарын. Дынхаҩыз, дқьа
ранџьыз, даамсҭаз – иара изы зегь дара ракәын. Иҩ
нгьы усыс имамызт, игәарагь. Аҩы изыжәуамызт, ача
раҿ атолбошьра изныҟәгомызт. Уахгьы-ҽынгьы им
гылаӡакәа ауаа тәаны аҩы ахьеимаркуа, иара сааҭк
еиқәкны дызтәомызт. Анхацәагьы дангәарҭа, ҭауадк
иеиԥш ихаҵгыло акәымкәа, алаф илырхлар, илахә
марлар цәгьа ирымбо иҟан.
Дара Маршьанаа дбаны иқәгыломызт. Иаб иашьа
иԥацәа ахьыҟаз, иара дыԥхашьа-ԥхаҵо, зегьы дреи
хырхәо данынкылслак, дара ықәҵны ицон. «Ацәаԥ
ҽыга» ҳәа ишьҭан.
Аха убарҭ иаб иашьа иԥацәа ҳәа сызҿу ахыхҵәацәа
ракәын. Убарҭ роуп уахык саб дызхәызгьы. Иахьа
уажәраанӡагьы абна илоуп, аӡәы дыршаҭогьы иҟам.
Уахгьы-ҽынгьы ауаа рышьҭоуп, амҩақәа куп, аха ма
кьана аӡәгьы имԥыхьашәом.
Урҭ абна ишылоу аасгәалашәацыԥхьаӡа, сцәа сҭа
ӡыӡоит. Сара схаҭа, уи ауха саб данырхә нахыс, срыцә
шәаӡом. Ргәаӷ убасҟак исымоуп, ашәара атәы сха
наршҭуеит. Аха саб изы сшәоит. Ма урҭ ркаанӡа Агеи
абреи рыбжьара дыбжьымсуа дыҟандаз. Саргьы дсыч
ҳарын... Сақәшәеит, ишԥазурыз!
Иара абри аҩны зтәу ихаҭа дахьыҟоу уаҩы издыр
ӡом, аӡәгьы дагьигәалашәом.
Ашкол аҿы саныҟоу, акласс аҿы сантәоу, еснагь, да
ра аԥшәмацәа аӡәы даацәырҵрашәа сгәы иабоит. Урҭ
ҟьалан абри аҩны иҩнахан, ҳара иаабом акәымзар,
ҳахьцалак ихарахаԥшуа ируа-ирҳәо иақәымшәо, иҟа
лаз цқьа ирзеилымкаауа, иҳашьҭоушәа збоит. Ауаа
ирымпыҵыркәкәааз,– ауаа зыҩнаԥсхьоу, ргәаҟреи
ргәырҩеи зцәеи-зжьи рыбжьара ибжьалахьоу аҩнқәа,
ахәыҷқәа еизганы иҩнартәатәым, ираҭәашьатәым.
Ашәи ашьҭазаргьы, иашьҭамзаргьы. Иаҳа еиӷьуп уи
инацраҵаны ибылны, инахараны џьара ҿыцк ургылар,
изакәызаалакгьы ҿыцк!
Иаҳа схы здыскыло ҩыџьа аҩызцәа сымоуп сара.
Аӡәы – Мыџьа, егьи – Ездора. Мыџьа даара аҵара
бзиан иҵоит, ихшыҩгьы иаргьы деилыхха дыҟоуп.
Аха убригь сара сеиԥш, зны-зынла игәы ақәҿыӷьуеит
ашыш бзиа еиԥш ииашахәҵәаӡа аҩра. Зегь реиҳа
бзиарас илоу – амц иҳәом, иоуҳәаз ҵәахуп, ианаамҭоу
ихаԥыц ибз ақәыргылашьа идыруеит.
Ездора ҳара дҳақәлоуп, аха ҩба-хԥа шықәса рыла
дҳаиҳабушәа ауп дшыҟоу. Убасҟак даҳхыҳәҳәоит, убас
ҟак иланы дыҟоуп, игәаԥхар, ҳара иҳацтәоу рахь аӡәа
ӡәала дыззымиааиуа уаҩ дыҟам.
Бзиарас илоу ҳара аҩыџьа акгьы ҳцәиӡаӡом, насгьы,
мышкы ҳимбар изычҳауам, игәра гангьы амаӡа иоу
ҳәартә дыҟоуп. Амцҳәарақәа илоуп. Амала, амц шиҳәо
даҿаукыргьы дгәааӡом, иҿы иқәшаҳаҭхоит. Насгьы,
играқәа рахь иаҳшьоит саб иашьа Аџыр, егьырҭ аҵаҩ
цәа зегьы дҳалкааны дахьимоу. Уимоу, иара џьара
данцо, ианидиҵалак, Ездора аурок мҩаԥигоит. Аурок
мҩаԥигоит ами, аӡәгьы ддәылижьуам, рыбжьы дыр
гаргьы иуам.
Ездора иан лыда уаҩ димаӡам. Ашкол рацәак иацәы
харамкәа дынхоит. Уи дызхылҵыз ртәы акырынтә
исарҳәахьеит, аха еснагь исхашҭуеит. Уеизгьы исгәа
лашәо убри ауп: уи иаб школс уажәы иҟоу аҩны зтәу
Амаршьан иаҳҭынраҿы дааӡахьан. Аҩны зтәу иабацәа
уи қьаранџьык иаҳасабала дрыман, аха дара анԥсы,
рыҷкәын уи иашьак иеиԥш дицхрааны хазы дынирхеит.
Ихаҭагьы ҟаимаҭӡак иакәын, рҳәоит. Ауаа рахь
ҳаҭыр иқәын. Иара дыԥшқаӡамызт, аха иаалырҟьаны
ӡӷаб қәыԥшк дигеит. Лара деиҭымын. Лашьеи лареи
хаз-хазы раб иашьцәа ирааӡон. Сара дызбахьан Ездо
ра иан. Убасҟак иԥшӡаз агәыкыра зҵаз ԥҳәыс дсызды
рамызт сара!
Ездора иаб ԥҳәыс данааига, дук ихымҵкәа дынка
ҳан дыԥсит. Уи иаби иани ртәы ианакәызаалак акгьы
иҳәомызт. Еснагь ианшьа иӡбахә акәын иҿыҵакыз.
Ианшьа Аҟәа аус иуан. Маҵура дук дахагылан. Зны
Ездора ианшьеи саби Аџыррааҿ еицнеит. Иантәаиангыла, уи ацәҟьара самеихсыр зуам иҳәан, саб
дааникылт. Амжәа ашьапы ацәҟьара кыдырҵеит,
аха Ездора ианшьа аԥхьа хысрагь имуит. Саб инаган
атапанча ааҭихын ацәҟьара инақәимкыц сҳәоны
иҭҟьеит. Инеины ианнахәаԥш, ацәҟьара кылхәхәаӡа,
иҭиқәаҵәааӡа иҟан. Ашьҭахь асас иџьыба дынҭалан
тапанча хәыҷык ааҭихын, акраамҭа дкылԥшуан. Зны
кыршәа аҟьаԥ ааҭнаргеит.
Иара акраамҭа амжәа ашьапы дадгылан дахәаԥш
уан, аха уи ихы зынӡа џьаргьы иақәымшәаӡакәа ицеит.
– Амц аҳәазаап! – дааччеит уи, игәы ишалсыз мҩа
шьо. Уаҩы шкәакәак, шәагаалагь рацәак дыҟамкәа...
Уи зынӡа иаҳәшьа лыԥшрақәа имаӡамызт... Сара сыхә
ҭахьала акгьы идсымбалт.
Ездора дааҟәымҵӡакәа уи иӡбахә шиҳәоз слымҳақәа
ҭишьаахьан аҟынтә, изызӡарызеи, сгәы ԥызҵәахьаз
аӡәы иакәызшәаҵәҟьа акәын сышихәаԥшуаз.
Абас ҳаҟан. Аамҭа ықәҳа ицон. Ҳашкол аҿы хәкласск аадыртит, арҵаҩцәа ҿыцқәа ҩарышьҭит. Ҳар
гьы ԥшь-класск ҳанрылга, алада архахь лбаатәыс иҳа
қәымшәаӡеит, уа ҳаанхеит.
Сара аӡәк уи сгәы иалан акраамҭа. Аҭыԥ ҿыцахь ҳа
иасыр сҭахын. Аха нас, хәыҷы-хәыҷла исхыԥсааит.
Аҵарашықәс ҿыц иалагеижьҭеи рацәак ҵуамызт.
Ҭагалан иасакьаҳәымҭаҵәҟьан. Аҽны Ездора дмааит
ашкол ахь. Аҵатәхәқәагьы ирылымгацқәа саб иашьа
снеиԥхьан, Ездора иҩны сцаны дзымааз еилыскаарц
сыдиҵеит.
Урҭ ргәашә аҿы саннеи, ҿысҭит, аха аӡәгьы ибжьы
имыргеит. Аҩнгьы ашәқәа ыҵарбаҟа иаркын. Ашьҭахь
сынҭалан, дырҩегьых сыбжьы сыргеит. Аха доуԥсы
дықәыршәым.
Сцап ҳәа саахьаҳәуан еиԥш, сыхьӡ ҳәаны аӡәы ҿи
ҭызшәа саҳаит. Сааҭгылан сӡырҩит. Аха ҭынчран. Сеи
ҭанадәықәлап сҳәоны еиҭаҿиҭит. Сагьаашәеит. Быжь
рабыжьҵәа иҵыҩуашәа акәын ишгоз, аха хыла иахьа
кәыз сзеилкаауамызт...
Ездора цасҳәа иҟаиҵозар, сышшәаз гәеиҭар блас
ихәасырԥшуазеи!
Сгәы рӷәӷәаны аҩны снадгылт. Абарҵахьы снықәыԥ
шит, аха ихьшәашәаӡа исыхәаԥшуеит. Сыхрааӡраауа
саақәхеит.
Ус аҿаԥара ашә аатын, аӡәы ихы нывҵирҳәҳәеит.
Убысҟаноуп саншәаҵәҟаз. Схәы-сжьы қақаӡа иааи
лагылт, аха аҩшьагьы сақәымшәакәа, сахьгылаз
саанхеит.
Уи ихи иԥаҵеи еилысны, ирацәаххыраӡа иҟан. Уеиз
гьы, иаразнак игәасҭеит иблақәа хааӡа ишсыхәаԥшуаз.
– Баҭал, арахь уааи, ирласны! – иҳәеит уи хәыҭхәыҭ
ла, – умшәан. Ирлас, аӡәы уибоит...
Сааунашьҭын, акы сыхан сагошәа уахь сҿынасхеит.
Сшәарақәа насхыԥсаан, абри дызусҭоу здыруандаз ҳәа
сгәы хыҭхыҭуа сааҟалеит. Саагылазар исаҳауазшәа
акәын ибжьы шыҟаз.
Аҿаԥара саныныҩнала, ашә ацаԥха наҿаиршәт.
Илашьцаӡа аҿаԥара ҭымҭшәараҿ ҳааидхалт. Убасҟан
сшәара еиҭасзыхынҳәит. Аҳаҷаҳәа иаасгәалашәеит саб
иеихсыз, иаӷацәа.
– Арахь усышьҭал! – иҳәеит уи маӡажәала.
Аха сара сахьгылаз сеиҭамҵит.
– Унапы сыркы! – снапы иԥшаан илышьҭагәа икит.
Иара инапы абамба ыҵиаан иҟан итатаӡа.
Сара уажәык агәра згеит, уи саб иаӷацәа иреиуаз аӡә
шиакәыз. Аха абра даазгазеи?
Нас, сгәы ԥыжәжәо ахәыцра салагеит, урҭ ирасҳәа
ша, егьа ргәы дзырхьша, иԥызжәаша ажәа-ҭынха
ыҟазаргьы иԥшаауа.
– Усышьҭалан уааила, абра акьыба ыҟоуп, укы
дыл... Ашьшьыҳәа, уҽкоумыжьын... – хәыҭхәыҭла
дцәажәон уи.
Саргьы иҟасҵарызиз, сишьҭалан акьыба снаҿалт.
Хыхь алаӷәраҿы икылгьыжьааӡа лашарак убон.
Инапы татаӡа снапы иахьадыз салаԥсны исырӷәӷәон.
– Умшәан, умшәан... – иҳәон иара.
«Унапы ахәы ыҵиаан, амуча! – сгәы ԥыжәжәон сара,
– дырҩегьых адәы уқәларц, ауаа умагәшьхәа иҭоу
цаларц ауп иуҭаху... Аха саб иҩызцәа уара узы рхәыцгьы
рылшәом. Саб уара уҩызцәа жәаҩык рзы дахьтәоугьы
дгылом... Шәыҽимпыҵашәымшьыр жәуам... Саргьы уи
сшиԥоу шәсырдырып уажәы... Сара!..»
Саб, ҳәарада, дышуаҩхаҵаз здыруан, аха уи
иаӷацәагьы ишәоз ракәӡамызт. Убригь здыруан. Амала
сгәы сырдап ҳәа саҿын. Хыхь ҳхаларц акгьы ҳагымкәа
даагылт. Алаӷәрахьы уаҩ дызлахалоз ахышә аҟынтәи
алашара ааиуан. Ихы-иҿы ааилургартә иҟан.
– Уанызба, сыбжьы уқәсмыргар сзымычҳаит, –
иҳәеит уи хәыҭхәыҭла, – убасҟак уаб иԥшра ухыскааит...
Уи дыгәхьааган сыҟоуп, насгьы, иара ахәыҷқәагьы
шәыгәхьаазымго џьушьома, сара сырҵаҩуп...
– Амц уҳәоит! – сныҩныҵәааит сара.
– Баҭал, убжьы умырган, суҳәоит! – иԥаҵа џьаџьақәа
сыҿҳәо сааигәӡит.
– Уиаҟара уҽумыргызмалын, сара еилыскауеит зегьы! – сҳәеит сара сгәы рхаҵашәа, аха сыбжьгьы сыхә
лашәон, уажәы-уажәы аҵәыуара сакуан...
– Баҭал!..
– Издыруеит саб дшыгәхьааугоз, иԥшрагьы шыс
хукааз. Аха баша ухы аџьабаа алоуҵеит, саб шәара
шәзы ихәыцгьы илшәом... Уеизгьы-уеизгьы шәхы им
пыҵашәымшьыр шәымуазар, шәҽишәыршьы, џьаҳа
ным гыларҭас ишәоуааит! Сара џьара акы сылшәыр
шарц шәҭахызар, ишәсырбап саб сиԥоу сиԥаму!..
Иагьабантәаазгазеи абарҭ ажәақәа! Ас сыҽсырха
ҵон, аха арахь сылаӷырӡқәа ирымукәа сӡамҩа иахьы
кәкәа илеиуан.
– Баҭал, Баҭал, арахь ухал уажәы зегьы уасҳәоит,
зегьы, зегьы... – сылаӷырӡқәа аниба, снапы дахан
акьыба дынкыдлеит.
– Издыруеит исоуҳәо! – сҳәеит сара, – иоушьҭ снапы
наҟ, сара ихәынгасшьоит, ахәы зҵиааны иҟоу уи
унапы, амуча инапы!
Иахьынтәаазгаз уара идыр, изажә-зажәӡа ажәақәа
ахырҭәеиԥш исҿышәшәон. Абасгьы сҳәон, аха иҟас
ҵахуаз, сишьҭалан аҩеира саҿын. Снапы ӷәӷәаны икын,
имхшьа сымаӡамызт.
Алаӷәраҿы ҳанхала, ауаџьаҟ ҳахьнаҩсыз ҳаагылт.
Ара алашара ааиуан. Ауаџьаҟ ҟарҵаанӡа ус алҩацарҭа
ахьамаз, ԥенџьыр хәыҷык аҟара алашара аанагон.
Ауаџьаҟ авараҿ аиарҭа ҟаҵан. Уажәы-уажәы ртапан
чақәа сҿакны егьырҭ аасыкәшоит ҳәа сыԥшын, аха
уаҳа аӡәгьы дыҟамызт. Сахьынаԥшуазгьы бџьарҳәа
џьаргьы акы сымбеит. «Ицеицеиуа ихчы иаҵазар акә
хап...»– аасгәахәт сара. Аха еиҳа сыҽсырҭынчын, схьа
ҳәны сылаӷырӡқәагьы аасрыцқьеит.
– Утәа! – иҳәеит уи, илахь еиқәышьшьы днасыхәаԥ
шын.
– Стәом!
– Баҭал, сара уара узҭоу ашкол-ҩны зтәыз соуп...
Сыӡбахә уаҳахьазар акәхап. Шәара ишәеихсыз роуп
сара сызцәыбналан абра сыҟоу. Урҭ уажәы еиҳаракгьы
изышьҭоу сара соуп... – иҳәеит уи.
Сара ииҳәозгьы саҳауан, аха снаԥшы-ааԥшуан
иабџьар збозар ҳәа. Ус аиарҭа ахахьы шәҟәы гәарҭак
сылаԥш нарықәшәеит. Урҭ чаҟәа-чаҟәа ишьҭан. Иараз
нак сшәара насхыԥсаа ицеит. Иаасгәалашәеит уи иаб
иашьа иԥацәа иара дбаны ишықәымгылоз, дахьыҟоу
ицәыԥхашьан ишымнеиуаз ҳәа ирҳәо исаҳахьаз.
– Утәа, Баҭал! – ииарҭа днылатәан, ивараҿ аҭыԥ на
сирбеит. Снеины, сикьысыр ҳәа сшәаны, сҽеидыԥсала
ны слатәеит. Аиарҭа абымбыл еиԥш итатаӡа иҟан.
Акрааҵуан сара уи еиԥшҵәҟьа аиарҭа сыламиеижьҭеи.
Уажәы зегьы аасхашҭын, абри Ездора идыруаны
ҳара ишԥаҳаимҳәеи ҳәа акәын сзызхәыцуаз, Мыџьеи
сареи. Иҵакы бзиазаап. Амала ҳгәы ишаанаго еиԥш
дыҟамзаап, ҳагәра имгозаап.
– Издыруеит сара Ездореи уареи шәшеиҩызцәоу, –
иҳәеит уи илахь еиқәышьшьы дахьтәаз.
– Ездора дабаҟоу? – сҵааит сара
– Иани иареи иаха ианшьа иахь ицеит, Аҟәаҟа...
– Сара игәаӷьны снеиҿаԥшит. Уи ихы-иҿы даара
еинаалан, илахь ҿашаӡа, иџьымшь еиқәаҵәақәа иа
ша-иашаӡа, иԥынҵа кахәхәа, иқьышә ԥшӡақәа – зегь
еихшәа-еиӡшәа. Еиқәаҵәа-ххыраха иҟаз ихахәы,
иԥаҵа иҟәаш-ҟәашӡа ирылаԥсаз ашлақәа гәамҭакәа,
ушиашоу ибла унхыԥшылар, ари зынӡа дқәыԥшуп, уа
жәы изхара ашҭаҟны дыхәмарны, иԥсишьарц арахь
дыҩхалт уҳәарын.
– Баҭал, Дауҭ дшааилак иауҳәоит ҳшеибабаз... Ма
цара. Егьи зегьы иара идыруеит. Уаҳа аӡәы ианиауҳәа,
нас цәгьароуп! Саб сиԥоуп умҳәеи, уаб уиԥазар
иуҳәом... – дааччеит уи, инапқәа ҟәаш-ҟәашӡа, ихәхәахәхәаӡа наҟ-ааҟ ишьамхқәа иахьрықәыз дрыхәаԥшуа.
Сара инапқәа рзы уажәраанӡа исҳәаз аасгәалашәан,
анышә сыҵазар моу сымамкәа сааҟалеит. Уи уажәшьҭа
игәра згеит.
– Снапқәа ахәы рыҵиааны иҟоуп, аа?..– сыбла дыз
ҭамԥшуа ихы ҩышьҭихит уи, – уажәы ҳааилысқәар...
Саргьы снапқәа бахҵәаӡа иҟасҵоит. Абаҳча сааӡарц
сҭахуп. Зеиԥш абри ақыҭаҿ уаҩы иимбац... Уи сгәы
иҭоуижьҭеи акрааҵуеит, шәҟәы гәарҭак срыԥхьеит уб
ри иазку... Абанҭ еиқәу ашәҟәқәа рыбжак, убри атәы
зҳәақәо роуп...
– Шәара уи атәоума ҵарас ишәҵаз? – схы ахьызгара
сзымдыруа сҵааит сара.
– Сара сырҵаҩуп, амц узжьо џьушьома... – дааччеит
уи, ицәышӡа ихаԥыц ажьқәа аарԥшуа. – Раԥхьа уабгьы
саргьы агимназиа ҳаицҭан, нас сара Урыстәылаҟа сцан,
уахьгьы ԥыҭ-чыҭқәак сҵеит. Адунеи иаақәыршаз зе
гьы арҵаҩра реиӷьасшьоит! Ахәыҷқәа, ашкол... Иахьа
хәлаанӡа аџьџьаҳәа ахәыҷқәа уанрылагылоу... Нас
аҩны уанааилак, ашәырқәа еиҭауҳауеит, еихауҳауеит...
Ахәыҷқәа рызҳауеит, ашәырқәагьы еиԥынчыла ибаҳ
чахоит... Уи шьахәуми?
– Аиеи... – сҳәеит сара.
– Баҭал! Еиҳаракгьы узаасыԥхьаз уаб исызиоуҳәарц
ауп... Даара угәра ганы. Ус анакәха, Ездора иҟны иу
мырзароуп абри атәы...
– Ездора изымдырӡои?!
– Ҟалашьа амоума!..
– Нас?..
– Иан лхала лоуп издыруа... Уи иоуҳәарц уҟазар,
уажәыҵәҟьа бзиала ҳәа саҳәала... Уаҳа ҳаибабарц ҳа
ҟаӡам, – иҳәеит уи илахь еиқәышьшьы, – хы-заҵәык
сыздырхоит...
– Дызусҭзаалакгьы аӡәы иасҳәом... Саб ида! – сҳәеит
сара.
– Саргьы убас акәын сгәы ишаанагоз.
Даарыцҳасшьеит, дқәықәма-шәықәмаха абра уах
гьы-ҽынгьы дшықәтәоу санаазхәыц.
– Ездора дыцәгьаӡам... Аха ааӡара игуп. Уажәнатә
амцқәа иҳәоит. Цәгьара иҵамҵакәа, ус... аха амц
мцуп. Знык ахаҭа ануԥшаа, нас иара ахаҭа ацәгьарагь
унарԥшаауеит... Амц ҭацәны иаанхаӡом, ушалахәмаруа
иумырбаӡакәа мацара цәгьа-мыцәгьала аҽарҭәуеит.
Уара инужьырц уҭаххаргьы, умч архаӡом... – уи уажәы
сара дсацәажәаӡомызт, ихакәын дзацәажәоз.
Нас ихы ҩышьҭихын, лаԥшыла сааимидеит.
– Ездора дхәыҷуп, уи ихәышәтәра мариоуп... Амаҭ
ҟаԥшь амҩаҿ избаны, маҟа ҟаԥшьыз џьшьа изым
ӷазҵарц иалагаз аӡӷаб хәыҷы дылҩызоуп. Макьаназ...
Егьа ихьаиршшазаргьы, Ездора изы ииҳәаз сархәы
цит. Сцарц сҩагылеит. Иаргьы деиханы дҩагылт.
– Баҭал! – иҳәеит уи днасыхәаԥшын, – сара абасҟак
ахьысҳәо шәаҩӡак, рыцҳак сакәу џьумшьааит... Акгьы
злаӡам азы, дарбанзаалак аҳәахәдеиԥш дыбжьаӡыр
иҭахым... Иудыруазеи ихәарҭоу, иҵоуроу акы сзыҟаҵар
ҳәагьы дгәыӷуеит. Еиҳаракгьы уи ихәарҭоу аҟаҵара,
ажәаҟны акәымзар, аус аҿы иашьҭоу ауаа шырацәаҩым
анудыруа, – уи дырҩегьых ихы дацәажәон.
– Издыруеит... – сҳәеит сара, издыруа закәу са
зымхәыцӡакәа.
– Ииашоуп, сара ашәақь аашьҭыхны, ус аушәақә
ахы аҩада ирханы сымхысыцзар, уаҳа ҵыскгьы сара
сзыҳәа ашьа камҭәац, – дааччеит уи, – санхысхьоу
удыруоу? Ани абарбанџьиа ҟаҵаны иахыԥо, рхы аџьы
ка акәыхшо, рыхьша-мыхьша аҭан амца иақәыԥсаны
аҩсҭаацәа ианрылахысуа. Убасҟан зны саргьы ҩынтә
аҩсҭаацәа среихсит... Амала аӡәыр иқәшәоу сыз
дырам... – деиҭааччеит уи, – ауаҩы знык дшиуа, знык
дшыԥсуа аҟара здыруеит, аха ауаҩы дануаҩха иԥсра
гьы ԥшӡазароуп... – уи ихы дацәажәон ара сышидгылаз,
дацәажәозар акәхарын сара санцалак ашьҭахьгьы.
Сара уажәшьҭа уи заҵа сицәымшәарыз, дысгәаԥ
ханы сихәаԥшуан.
Нас иара дхьаҳәны алашара ахьаауаз ахь дыԥшит.
Саргьы уахь схьеирԥшит. Нахьхьиӡа џьара, арха ахьын
ҵәоз игылаз аҵлақәа ирылаԥшуан амшын иаҵәаӡа.
– Хәылԥазыла абрантәи амра шҭашәо сахәаԥшуеит,
– иҳәеит уи, – иангыло збом, аха ма ианҭашәо иаҳәо
удыруоу? – дыччо дҵааит уи.
– Исыздырӡом...
– Ашәа аҳәоит!
– Ашәа шԥаҳәои... Амра?
«... Уан даанӡа умҵәуан, уаб даанӡа умҿыхан...» –
ашәаны дналаган дыччо дааҟәыҵт. – Аҽазны ҳанеиқә
шәо иацу уасҳәап, уажәы аӡәы душьҭалар ҳәа сшәоит,
уца!
– Снапы иануҵаз азы умшәан!
– Сшәаӡом, – иҳәеит уи дсахәаччо, – исхашҭыз, сыхьӡ
уасымҳәаӡеит: Арзаҟан! – снапы ԥшааны иааирӷәӷәеит.
Уи инапы татаӡа, иаасгәаланаршәеит аҳашьапы агәа
ҩараҿы иҭоу аиаш хәы-ҟәымшәышәқәа. Сара урҭ рхәы
сахьымсыц, аха хымԥада абасоуп иштатоу...
Али-ԥси рыбжьара, рашҭа амасаргәара сынкыл
ҵәраан, амҩахь скылсит. Сара сызлахәыз, издыруаз
аԥсҭазаара аасҭа иҷыдаӡан, зынӡа даҽаџьара иҟоу ԥс
ҭазаарак ашә аартны снахьыԥшызшәа сыҟан.
Сахьцоз, саԥхьа дгылазшәа, уи иблақәа сԥырҵуа
мызт. Иара иааиҳәоз зегьы иблақәа агәра удыргон.
Бзиа избон сара саб иблақәа, аха зны-зынла, дан
гәаалак арахь иҭҟьоума уҳәо иҟалон. Уи дгәаауан, егьа
илакҭа цәгьахаргьы, аразра, ауаҩра ахьалԥшуаз збон
сара.
Издыруа, исзааигәоу ауаа рыблақәа зеиԥшроу сгәа
лашәозар ҳәа схәыцуа салагеит. Абар, саԥхьа иааит
иччо, ихааӡа Мыџьа ибла цха-ԥшшәылақәа, аха уи иа
ҳәаҵәҟьоз сзеилымкаацызт. Мыџьа игәы иҭоу еилу
каарц уҭахызар, иҿы урцәажәароуп. Убри аҟынтә уи
иблақәа еснагь иеиԥшын.
Ездора... Абар, уи ибла гәышәпақәа ӷраӡа. Уи ԥшра
лагьы, хәаԥшшәылагьы ианшьа иахь акәын дахьыҟаз.
(Ианшьагьы, сара данызбаз аҽынгьы знык-ҩынтә иш
саҳауаз иҳәеит, уи аӡәзаҵәык иоуп ҳара ҳашьҭра ахьын
ӡанаӡааӡо сара сахь ицаз ҳәа). Инарҳәы-аарҳәуа амра
иамҵакны ирку асаркьа ԥҽыха цырцыруеит, иааурҳәыр
иаҟәыҵуеит, инаурҳәыр ицырцыруеит, иааурҳәыр иа
ҟәыҵуеит. Иҭахызар амц иҳәоит, иҭахымзар иҳәаӡом...
Аџыр? Мараса? Леуа? Заур? Урҭ рыблақәа закәу ҳәа
акы аасгәалашәомызт.
« УАН Д ААН ӠА У МҴӘУАН, УАБ ДА А Н ӠА
У МҾЫХАН. . . »
– Дабаҟоу? – дҵааит сшибаз еиԥш саб иашьа. Уи ак
рыфара даҿын. Мараса чыс хкыс иҟаз зегьы еизылган,
иаргьы ихы нарылмыҳәҳәо дрылатәан. Арсҟатәи фатә
хкы абаҟаз ҳәа, саб иашьа ибла сынхыԥшылт. «Ихаауп»,
«ихаауп», «ихаауп», – иҟәысҟәысуан иблақәагьы, уаҳа
аҽакы рҳәаӡомызт.
– Иани иареи Аҟәаҟа ицеит... – абригь сҳәеит, иа
разнак ахаҳә еиԥш сшәит. Сҿы акит. Аџыргьы иҿаҵа
иҿы иахьынҭеиҵаз илбааимдаӡакәа даанхеит. «Их...» –
уаҳа рзымҳәакәа иблақәагь уа иаанхеит ихаззала.
– Иухьзеи уара?– иҳәеит аҵыхәтәан.
– Акгьы... Рыҩны ашә аркын, арахь сшаауаз аӡә
дысԥылан... Ргәыла иакәхап: «Аҟәанӡа сымцар сыхәом
абри аҩымшк ҳәа лгәы иҭан. Ахәыҷгьы длымгакәа ды
ҟам» иҳәеит. Нас арахь сааит... – сҿагәа-ҿасуа уахь акы
еиласҟәаҟәеит саргьы.
– Дузымдырӡо иара? – дҵааит Аџыргьы акрыфара
дналаган. «Ихаауп», «ихаауп» – иҟәысҟәысуан иблақәа.
– Дсыздырам, – сҳәеит сара сгәы иҵаххны, сыԥсы
ансоу, – ара инхо зегь сара издыруама!
Аџыр ихы ҩышьҭихит. «Ихаа...» – рҳәан, еиҭаагылахт
уи иблақәа.
Иҟалап, Арзаҟани сареи ҳаиқәшәеижьҭеи аҽакала
сыҟазҭгьы.
– Сара дысзымҵааӡакәа дышцаз убоу, абни ацәа
ҭачгьы, – иҳәеит Аџыр асалфеҭкала иҿы рыцқьо, –
иззеилымкаауа абзиара изууа уалагар усоуп.
Сара ақәҿысымҭит.
– Принц! Уи егьоурым, – иҳәеит дыххаччо дааҟа
лан. – Уааи, акраҳфап! «Ихаауп», «ихаауп»... – рҳәон
иблақәа.
Акрыфарагь усҟак исҭахӡамызт, аха снаскьаны аи
шәа снахатәеит. Мараса ачахәажәқәа, аҳампалқәа,
кәтыжь махақәак, акакан сыӡбал икәааша-кәаашаӡа
арашы хшәыла инасымҵалыргылеит.
– Анцәа уиныҳәааит, принц! – иҳәеит уи аҵәца
аашьҭыхны, – уара уажәшьҭа ухәыҷӡам, уажәшьҭа аԥ
сҭазаара унашьклаԥшуазароуп. Ацәгьеи абзиеи еи
лухуазароуп. Иахьа мацаратәи акәым узызхәыцша,
уаҵәтәи, уаԥхьаҟатәи... Иухәарҭахаша! Уара уаб, сара
сашьа, акыр илшоит. Уҽурманшәалар, иаргьы уирман
шәалап...
– Ууаҩхааит. Уара ушәшьыра ҳаргьы ҳааҵаӡо,
принц! – дсыхәаччан инҭыркәкәаны ижәит.
Сара акранысфа адәахьы сцеит. Ашҭа агәҭа ихрааӡраауа иқәгылан Леуеи Заури, ачыс иакны ацәажәара
рылымшо. Санырба, ирхамышҭыкәа аҩыџьагьы рыбз
қәа сдырбеит. Нас Заур ажәа «ԥшӡала» ихиркит.
Рацәак хьаас исымкызшәа анырба, нас аҽакала сгәы
ԥыржәар рҭаххеит.
– Ҳара иахьа ҳарныҳәеитее!..– иҳәеит Леуа.
– Шәышԥарныҳәеи?
– Ачахәажәақәа ҳхы инакәыхшан... Ҳдухарц, ҳаԥш
ӡахарц! – хыма-ԥсыма инациҵеит Заур.
Сара ачча сакуан, аха иҵегь дсырҳәар сҭахын, сы
лахь еиқәнаҵазшәа дсырбеит.
– Баба анцәа ҳәа аӡәы дидыруазаап, – иҳәеит Заур,
– иара ида уаҩы дибаӡом... Ҳаргьы уа ҳгылан, аха уи
дҳамбаӡеит. Мамагь уа дгылан, аха убригь длымбаӡеит.
Баба дибон. Ишҳаҳауаз диацәажәон... Ҳара бзиа ҳаи
баларц, зегьы ҳреиӷьны ҳҟаиҵарц. Иҳаҵашьыцуа!
Зныказ Заур ииҳәаз ааџьасшьеит, абри абасҟак
ирԥшӡан дызлахәыцзеи ҳәа иблақәа снархыԥшылт:
«Ҟьеаҳ! Ҟьеаҳ! Ҟьеаҳ!» – иҟәысҟәысуан, иҟәысҟәысуан
урҭ. Уи убасҟак иҭахын срыҵашьыцырц, убри ицхраан,
изымҳәашаз инарҳәеит, изымхәыцшаз инархәыцит.
Леуагь снаихәаԥшит: «Ҟьеаҳ! Ҟьеаҳ!..» – иҟәыс
ҟәысуан уи иблақәагьы.
Уаҳа срыламцәажәакәа срыдҵны сҿынасхеит.
Аныҳәагатәқәа ҟаиҵалар аҵкыс, ихәыҷқәа шыб
жьысыз ибар... Аныҳәагатәқәа шхәарҭам, ишыбзамы
ҟәроу, ишылашәроу ҳәа ашкол аҿы ҳлымҳа ҭишьаа
хьеит, арахь иара ихәыҷқәеи анцәеи рыбжьара цҳа
ражәҳәара иуеит... Зегьы иреиӷьхарц!..
Саб даар урҭқәа зегьы иасымҳәар ҟалом. Сара
сзыржьарызеи! Сара схала соума, школк иҭоу ахәыҷқәа
зегьы! Дагьырҵаҩны, дагькоммунистны, амцгьы иҳәо!
Мап, мап! Ма сара зынӡа акгьы сзеилкаауам, ма убригь
аӡәы ироль дыхәмаруеит.
«Сҳәынҭқарраҿ» иҟаз аҭынчра хәыҷы-хәыҷла аԥша
аласуа иалагеит. Аԥша аҵлақәа анархәа, хтырақәак
сылаԥш нархьысуа иалагеит. Ашьац зқәиаан иҟоу
баароуп абарҭ ахтырақәа ҳәа сгәы ҩбахо салагеит...
Сабгьы дыҟам, дыҟам, дыҟам... Дзыдхалазеи?
Ахкаарахь сынҭалан, аҳа амҵахь снеит. Аиашқәа
зҭаз агәаҩарахь сыԥшуа сышгылаз, рҵыхәа бабақәа
ҵәҩанҵәыҟа ирханы, инкыдыфҩыла аакыдфҩыло
иааҭыҵны, амахәҭа инықәтәеит урҭ... Сызхара санры
хәаԥш, срымбарц, имшәарц азы, аанда савалан мацара
агәашә аҿы сааит.
Саныԥшы, Леуеи Заури аанда икылеибагәан сара
исызкылԥшуан. Сеилашәеит, аха уаҳа царҭа амамкәа.
Аҳа ашьапы аиашқәа шҭоу урҭ ианырдыр, нас иҭахаз
акы иаҩызоуп!
– Ишәҭахузеи ара?! – снарықәыцәҟьеит. Ргәыр
ҽанӡамкәан сыбжьы анраҳа, иаршәан иааҭрыст. Нас
ргәы аҭыԥ аҿы ианнеи, дырҩегьых рыбзқәа ааҭырхын
иҟаԥшь-ҟаԥшьӡа иаасымҵаркит, сара сҳақьымны
рыбз аџ ықәу иқәму гәасҭарц сҭаху џьушьап.
– Шәсымбан ара, амбжьахқәа, ишәзызуа жәбап!
– сҳәан дара рахь сҿанынасха, ишыцәгьараз гәҩарас
иҟарҵан, еихҟьа-еиҵҟьа иҩит.
Ус Аџыр дбақьаӡа изхара ыфан, имышҭықь инацәа
ибжьакны, аҭаҭын лҩа харчыла ашҭа даақәлеит. Иџьоу
шьашаз, абарҭ ахәыҷқәа сара сҿы акәын ахлымӡаах
иахьалашаз акәымзар, егьырҭ рҿы, еиҳарак раб иҿы,
игәыбзыӷха, ахәша иаҩызахон. Уажәыгь ишҩеиуаз раб
иҩидеибаҳәалт.
– Ишәыхьзеи, баба?
– Абни ҳипҟоит...
– Џьара цәиккрак иашәҳәазар акәхап?
Иааҟрымҿрымит рҩыџьагь.
– Уажәшьҭарнахыс бзиа дыжәбауоу?
– Даабоит...
– Даабоит...
Ауха акраамҭа сызмыцәакәа сышьҭан. Сҿаԥара
кылырҟаан аилиуминатор еиԥш иасҭаз ахышә кыл
гьежьаахь сыԥшуан. Уи икылԥшуан ҽыҭк ажәҩан,
аџьыкҳәыԥхьеиԥш еҵәа-сса гәарҭак ақәырҳәҳәны.
Уаха саргьы алаӷәра сықәтәазшәа, сындәылыҳәҳәар,
сыршьрашәа схы збон...
Уи урҭ дрымшьӡаргьы, дылҵыргьы, азныказ иши
зыцәгьахоз аҟара еилыскааит. «Аԥшра, асахьа мацара
акыр ихәарҭазар, Омар иԥа Арзаҟангьы имоуп»–
рҳәон ақыҭаҿ. Нас иарбан абарҭ ауаа убри идырбалаз?
Иеихсырц зҭаху, изызиеихсуа рдыруеит. Уи дара
дахьрылҵыз, иахьиҭахым азы акәхап. Аха егьырҭ,
иабалак, ибла шааԥшуа ишьра изашьҭоузеи? Иҩны
ашкол иаиҭазар, иҩны иҩназ ақьаранџьы иашьак
иеиԥш дибозҭгьы, дынирхазар, дынирҵызар? Зегьы
рҿы ихы неигозҭгьы, егьырҭ ҭауади-аамсҭеи реиԥш
иҽырчны акәымкәа, џьара аӡәы игәы абаҟасҵари ҳәа
ддәықәзар? Дгаӡану? Мап! Усҟак иҟәышу, зҟәышрагь
қьиоу ҳара ҳқыҭахь амҩа дықәымлац. Макьана дымиц,
дихьазаргьы, дымшәыц, дышәхьазаргьы, арахь ихы
имырхац...
Нас избан? Сара зынӡа акгьы сзеилымкаауазар,
ацәгьеи абзиеи еиваҵаны срыхәаԥшыр исзеиҩым
дыраауазар? Уаҳа акгьы сзымдырыргьы, уи дышқьиоу,
дшыбзамыҟәым еилыскааит. Акы зыгӡам уаҩы дыҟам,
рҳәоит. Нас игқәоу ыҟазаргьы абри дзалыркаазеи? Ма
зынӡа акгьы згым аӡәы иакәзар... Ауаа иҵашьыцны
дара рыграқәа иара игроушәа иҽԥныркылозар?..
Ахааназ схахьы имааишаз ахәыцрақәа, алашьцара
иалсны аҟыгә-чыгәҳәа, сылахь иадыкшалон... Сара
сҿаԥара «аилиуминатор» аартны, изҿаԥшьу акәас
кьа ҟәарак еиԥш иныжьны, аԥсҭазаара амшын ду
инхылазшәа збон. Раԥхьатәи ацәқәырԥа иагәҭасны,
егьырҭ еиҳа иҳаракыз ацәқәырԥақәа инаргәыдна
ҵазшәа акәын сшыҟаз.
Адырҩаҽны ашьыжьгьы дмааит Ездора. Аџыр «уца»
ҳәа сеиҳәозар ҳәа сыԥшын, аха сылаҿиҭуамызт. Уи
аҽни аухеи ус исычҳаит.
Адырҩаҽны ашьыбжьышьҭахь ашкол аҿы дааит
Ездора иан. Уи Аџыр днаскьалԥхьан диацәажәеит. Ла

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҽыкәаҳа - 10
- Büleklär
- Аҽыкәаҳа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3661Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3688Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3644Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3664Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3657Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3617Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3674Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3732Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3708Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3715Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3632Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3748Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3786Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3716Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3638Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3621Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3686Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3072Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.