LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аҽыкәаҳа - 08
Süzlärneñ gomumi sanı 3732
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2509
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
амаакырақәа аҭан иҟаҵан. Амра ашәахәақәа алԥхо,
абааӡатәы ҳаҭа ҿыц, абырфын рахәыц иаркны, ацҳа
иқәган иргон.
– Уаала, дад, аҩныҟа... Уаала, дад, – дҟәындҟәынд
уа раԥхьа днеиуан ҭаҳмадак. Уи ишьҭалан еицрыхәхәа,
ацҳаҵәры иҟәашӡа ршьапы иаҵыԥшуа иқәлан инеиуан
ахацәеи аҳәсеи, ашәы рышәҵаны.
«Уаала, дад, уаала...» – уажәыгь ллымҳа иҭыҩуашәа
дыҟоуп Шьасиа.
Усҟан лара дгылан, аӡы иашьыз «иԥсы иарчыз»
аҳаҭа ҵаӷа дахәаԥшуан. Уи аԥра шкәакәа еиԥшын,
инарымпыҵԥраан амшын еиԥш ииаҵәаӡа хыхь ирха
гылаз ажәҩан иналаларашәа.
Шьасиа усҟан иаалгәалашәеит амшын ихны илбахьаз
аԥрашкәакәақәа. «Убарҭгьы зырчуа абысҟатәи уаа
аӡиасқәеи амшынқәеи иргахьоу, иршьхьоу рыԥсқәа
ракәзар ҟалап» ҳәа лгәы иаанагеит.
Аҭәа-ҵла дуқәа руак инхаз иахьа уажәраанӡагьы
аӡы иазымгацкәа иҟоуп. Аԥаҩ ҳаракы иалыҳәҳәоит аӡы
иаанарԥшыз адац дуқәа, зны иҟәашӡа зцәа зхырхыз
ацҳаҵәреиԥш ицәырҵәан. Амш цәгьақәа раан Уаамыр
анхыҵуа, аҭәа-ҵла ду ахыцәқәахь иҵысҵысуеит,
иқыџьқыџьуеит, ҵаҟа иаҵыҩрны илеиуа аӡы хьшәашәа
ыртәыс иаман аҭалара иацәыԥсуашәа.
Шьасиа дгыла, дгыла, ашырҳәа аилаҳәара днаха
лан хыма-ԥсыма иааԥлыртлеит. Акаба илаҳәан еи
қәак. Аиқәа анаалыртла, ицәҩежьӡа тетрад-жәпа
ҩазак ылаҳәан. Атетрад нарҳәы-аарҳәуа ԥыҭрак ил
кын, аха ацәахьы изакәызаалак акгьы анымызт. Аар
траҵәҟьа лзымгәаӷьуа днахан ахаҳә инықәылҵан,
аиқәа днахәаԥшит. Уи галифеины иӡахын, ашьамхқәа
рахь иххаахьан, ахәы ақәыҵхьан, аха макьана икы
лымҵәацызт. Хәымџьаркгьы ҵәызӡа азхык ахь иа
ҵыҳәҳәон. Ари Аџыр итәын имҩашьахуа, егьырҭ –
абгьы аԥагьы – ари рзыбзиахомызт.
Шьасиа илгәалашәеит, Аџыр акыр шықәса арратә
китель еиԥшыз ԥхьарҟьак, аԥшьџьыбакгьы ҿарыԥхаа,
абри аҩыза аиқәа иақәҵаны дышныҟәоз. Убас ашкол
ахьгьы днеиуан, зықә шьҭыхыз ихылԥагь ихарҟаца.
Аҵаҩцәа ракәым, ар рпарад идикыларц игәы иҭазшәа.
Аиқәа ааиларҵәины аӡы иалҭарц данынаԥш, аӷ
ӷарақәа рахь ахаҳә шкәакәақәа аҵаҩҩ икеикеиуа
ицон. Даангылт. Даанаԥшы-ааԥшит. Нас, лара илбазар
аҟәара иалаӷьан ишьҭаз аџьтә уахәа дуӡӡа иқәиаан
иҟаз ацәырас инылалыршьшьит. Даахьаҳәын, лҿи
лнапи неиқәыԥсаны дырҩегьых ахаҳә шкәакәа аԥхьа
днатәеит. Ԥыҭрак ус дтәан қәацараҳәа лымаӡамкәа.
Аӡыжь агәахьы игәрымуан еибахәыҽуаз ацәқәырԥа
қәа, аха урҭ арахь иааӡаанӡа аӡыжь ихыӡлон. Лывара
ҿы, аӡы ҵысҵысуа ахаҳәқәа иахьрыҵаҵәоз, акәылкәыҷыҳәа ашәеиԥш ак аҳәон иааҟәымҵӡакәа.
Шьасиа ашьшьыҳәа лнапы нагӡаны акаба ааиҵыл
хит. Ахҭыԥқәа днархьысит ахәрақәа реиԥш. Нас атет
рад аашьҭылхын, ишылкыз лхы дҩахан днаԥшит:
Уаамыр хәыҷык иадамхаргьы аԥсы анҭоу ихнаҩо
аҭыԥқәа зегьы хтны, иҟәарашха иааԥшуан. Аӡиас цон,
иҭыӡсон, ицон, ицон, ицон...
Абри ҵыхәаԥҵәа змаӡам аӡы аиасра иарҵысуеит
ахәыцра рацәа, агәалашәарақәа. Ауаагьы аӡиас ианын
хықәгылалак, инкахәыцуа иаанхоит ԥыҭрак, изхьым
ӡаз, ирзышьҭымхыз ргәыӷрақәа, рыбзиабара, рына
сыԥқәа еиҿыршәшәаны, аӡәгьы итәымкәа, ԥсрагьы
рықәымкәа иҟаҵаны, уи ирывганы иаман ицошәа...
Шьасиа атетрад аалыртит. ИАРА иҩымҭа акәын!
ИАРА ианҵамҭақәа! Шаҟа иуашәшәыроузеи, нҵра
амамзи ауаҩ иԥсҭазаара... Абри ақьад ҵаӷа хәыҷы
мшаҽнеиԥш иахьанӡа иаанагеит уи иҩымҭа, ианбанқәа
рсахьа, ихәыцрақәа рышьҭыбжь...
Аха мап, изуашәшәыроузеи уи иԥсҭазаара.. Ари аи
башьра мшын бааԥсы егьаҩ рыӡбахә алаӡит. Аха рха
ҭақәа нхахьеит. Рыԥсы ҭаны. Амала, абри аҟара шықәса
дыззыԥшыз, иахьа уажәраанӡагь дыззыԥшу... Ззы
ҳәа акы дамеигӡац, дамеигӡо, лқәыԥшра, лыбзиабара,
лгәыблра – зегьы ззылкыз, иззылҭаху ииҩыз, хыла
лара илзирхиаз лыздырам. Лара лтәык уа ианымкәа
ҟаломызт.
Лыԥси-лыԥси еихьымӡо ианыз днахәаԥшит.
АУАҨ ЗНЫК ДИУ Е ИТ. . .
Сара ҩынтә сиит. Убри атәы ауаа мыцхәы ирҳәа
цәо ианалагалак, еснагь сыԥсахы еибакуан (сгәы ԥыр
ҵәеит), аха ашьҭахь саназхәыц еилыскааит уи шиашаз.
Раԥхьа сиит Аҩӡыбжьара, аа, абыржәы сахьаадәылҵыз
амаҵурҭаҿ. Изларҳәо ала, амаҵурҭа ахы инаркны
аҵыхәанӡа инагӡа-аагӡан игҿоу ацәарҭаӷәы аҿы. Хыхь
ахәыбли ахарԥеи рыбжьара тәӷәаркалк ҩықәҵан,
ашаха ҩахадыршәын, аҩхыкгьы сан дҵәи-ҵәиуа ҵаҟа
ацәарҭаӷәы дахьықәыз иналдыркит.
Сан рыцҳа, ҩаха-ҩымш ашахақәа дырхьынҳалан
дахьеихоз, лнапқәа хәырны, лыблақәа ҭыҵны ицо,
лқьышә дахьацҳауаз ашьаҟәаҟәа ахьшы дгәаҟуан.
Исыхьыз уара идыр, адунеи ахь саара уадаҩхеит. Усҟан
ақыҭаҿ аҳақьым дабаҟахыз. Илаԥш хәшәызаргьы, цәа
шьыркыла уишьҭазар дузыԥшаауамызт.
Сан илхагьежьуаз аҳәса ҟазацәа егьрылымшошәа
анырба, ишәеит. Иааилаҩынтит.
Саб дыҟамызт. Уи еснагь дыҟаӡамызт. Еснагь, ихы
амца аркызар, арцәаха имамызт. Иааилацәажәан ирыӡ
беит саб ҽырххыла ауаҩы дишьҭарҵарц... Аҳақьым
адунеи далазар дыԥшааны сан лыԥсы дахьигӡарц.
Аха лара ллымҳа ианҭас, аԥсраҩынҵәарада илымуит.
Саб, иара ихала данхынҳәлак, игәы иҽанӡамкәа гәыр
ӷьаҿҳәашас сиԥылгаларц лҭахызар акәхарын. Насгьы
сан илдыруан саб иџьабаақәа уи адагьы ишыцәгьаз.
Абри ашьҭахь сааҭкгьы мҵыцкәа сиит. Зынӡа
сыбжьы смыргаӡазаап. Азныказ сыԥсыз џьыршьан,
аха зныкыршәа сҳәаҭ-маҭуа саналага, адәахьы аха
цәа ахысра ҭарҵазаап. Аменшевикцәеи дареи анеи
башьуазгьы усҟак имхысзар ҟалап.
Аԥхьатәи сира абас иҟалеит.
Аҩынтә раан «сиит» даҽа быжьшықәса рышьҭахь.
Усҟан саб дыҟан, сан дыҟамызт. Сан зынӡа дыҟамызт...
Саб араиком аҿы аус иуан. Убасҟангьы, уахыки ҽна
ки рахь, сааҭк еиқәкны аҩны дубомызт. Убасҟангьы,
ихы амца аркызар, арцәаха имамызт. Иахьа зны
дқьыԥаха, ихы ларҟәны, ҳзыҩназ ауада хәыҷы ашә
даахыҵуан уи. Игәаҭан исыман, минуҭк иадамзаргьы
саб иблабара анлоулак, сан лҿаҳәатәқәа зегьы наӡаз
шәа дааҟалон.
– Сара сҩыза биқәнагомызт бара... – иҳәон уи илахь
еиқәҵаны.
– Избан?
– Бысшьит. Быбла ҭраа аԥшьҭӡык быкәыршан
бтәоуп, быԥшуп...
– Сыԥшызар, уара узами сзыԥшу... Сыԥшуп – уаа
уеит, сыԥшуп – уаауеит... – дыччон лара.
Сан наҟ-ааҟ агәаҵәыхь анлыхьгьы убас луан. Саб
тәамҩахә имаӡамызт. Ҳақьымкгьы дааигалон, ихалаҭ
шкәакәа хьшәашәаӡа, аха еиӷьхара лымамызт.
Сан агәаҵәыхь мацара акәмызт илыхьуаз... Аҳәса
рчымазаракгьы лзацын, ашьҭахь, еиҳа еилыскаауа са
налага, изларҳәаз ала, сара сзыҳәа абриаҟара дангәа
ҟуаз, ацәарҭаӷәы хьшәашәа дахьықәыз ахьҭа лылалан,
убри аахыс ачымазара лцәа иалан.
Зны шьыжьымҭанк, саб сан дшыҟаз ибон аҟынтә
аусураҿы схы надырбаны саауеит ҳәа дахьцаз, ԥыҭрак
даанхеит. Сан аҩнашә аарты ҳәа салҳәеит. Ҳаҩнашә
улԥшны амшын ухыԥшылон... Ааԥнын. Хьшәашәаран,
аха амш бзиан, ажәҩан цқьан. Амшын ҭынчын. Ииа
ҵәҟаҟараӡа, ашьац ҿа зқәиааз адәеиԥш ишьҭан.
– Ишԥалашьцоу, мшәан, иахьа... – лҳәеит сан еергьҳәа.
– Илашьцаӡаме!..
– Ааи, ишԥалашьцоу, ишԥалашьцоу... уааи, сукәых
шоуп са сҟынӡа!
Снеит...
Ергьҳәа лнапы аалыгӡан схы аалшьшьит. Ишԥа
хьанҭаз иҩежьӡа иҟалахьаз лнапы... Ишԥахьшәашәаз!
– Ааи, ишԥалашьцоу иахьа, ишԥалашьцоу...
Лыблақәа санырхыԥшыла уамашәақәа избеит, сара
сырбаӡомызт, аҽаџьара ихан. Џьарак мацара иԥшуан.
Сара сшәан, сҩаҵҟьан ашә ахь сҿынасхеит. Саби сареи
ҳаиҿаҳаит. Уи ԥшшәы ихаӡамкәа снаихәаԥшит...
Сан даныржуаз аҽны амш бзиан. Адунеи зегьы
шәҭны иҟан, ибыбышӡа...
Аԥхын зны, ахәыҷқәеи сареи амшын аҟәараҿы аԥс
лымӡ ҳахьцәыԥсалаз, саб ҽыхәа дук кәадырны, аҿы
ианкны днеит.
– Уара Баҭал, сынтәа ашкол уҭалароуп. Ара сара
усызбарым. Уи аҵкыс ақыҭахь, аҩнду ахь узгап, –
иҳәеит уи.
Сиҽхьынҵаны сигон. Амҩа ҳшықәыз хәлеит. Амза
ажәҩан агәаҟныҵәҟьа иҩеихьан. Ҳахьцоз ҳамҩа ҟәаш
ӡа иҟанаҵон. Инымҵәаӡоз амҩа бнакы илган иган.
Аҳәынҵәа цәгьан. Иааигәаӡаны абгахәыҷқәа еибар
хьусууа рыбжьқәа гон. Аха сара сшәомызт, избанзар,
наҟ-ааҟ саб имаҟҿаҳәара ӷәӷәа шаҳәшаҳәуа сыҩна
пыкгьы аларԥс искын. Насгьы, уажәы-уажә ихьанҭ аӡа,
снапы инадсылон имаҟа иаркыз инаган тапанча.
Ҳцон, ҳцон – ҳамҩагьы нҵәара ақәӡамызт. «Ҭхырр»
ҳәа ахашьа иаԥхьон аҽыхәа, аԥхӡы иалҵыз афҩы
уԥынҵа ҭнашьаауан. Аха ҽы ӷәӷәак акәын, џьара
иааиҵамхаӡакәа ҳашьҭҳәа ҳама ицон. Саб алмҩанык
дааҟәымҵӡакәа дсацәажәон. Уи исабжьигон ашкол
санҭалалак нахыс схы шымҩаԥызгаша, нас иҵегь са
ныҩеидаслак, уахь Агаҟа сшиго... Уаанӡа аквартира
ҿыцгьы шҳауша, сара сышәҟәқәагьы саргьы ҳазкыша
ауада хазы ишсзалихыша ртәы уҳәа.
Акыр ҳныҟәахьан, абна ааимҟьан, аӡаӡа ықәш
дәык ҳнықәсын, еиҭах абна ҳнылалт. Уа аҳәынҵәагьы
еицәан, абнагьы ҳханыҵәҟьа еималон. Саб ихы лар
ҟәӡаны икӡан.
– Уажәшьҭа иааигәоуп, умшәан, егьа уааԥсазаргьы
уажәыҵәҟьа ҳнеиуеит, – иҳәеит саб.
– Смааԥсаӡеите!
Аӷәра зкымыз инапала схы ааишьшьит уи.
Џьара-џьара амза лашара зынӡа иазааиӡомызт, аб
на еимаҷыҩны иҟан. Аха аҽыхәа ҭуӷан, аҩблак рцын
хәрас ҩ-фонар лаша дуқәак азҭазшәа, џьара иагьаа
шьацәхнымслакәа ицон.
Абри аамҭазы, амза цәыҵыԥхан иахьрыхәаԥшуаз
иаршкәакәан, зшьапқәа акартоф цәашьқәа иреиԥшха
иҟаз ашә ҟьантазра ҳныҵалт, аҽгьы шәан, ахашьа
иаԥхьо ганха иԥеит. Сара сахҟьон, аха саб ицнап сыхь
ӡан сааннакылеит. Аҽгьы днақәыҵәҟьан, ашырҳәа
итапанчахь инапы ндәықәиҵоны, идыдызшәа саҳаит.
Сшәан, сыҩнапыкгьы ааусышьҭит. Сабгьы иаразнак
дыхбыкьын, уаҳа акгьы дакӡамшәа адыжәҳәа ҵаҟа
дынкаҳаит. Сара знык ԥсра сыԥсхьан. Снапқәа ахьаа
сҟьаз, машәыршәа акәадыр ашьҭахьтәи амаха сым
ԥыхьашәан, сналаԥсны искит. Аҽы дырҩегьых ганха
иԥан, нас иҩаҭрысын сымҵарсны амҩа аахәан аҿы
нанахеит. Ицон, аха иԥырӡаны. Сара сыбз сыхәлашәан,
аҵла амахә иқәтәоу акәтеиԥш, снапқәа акәадыр амаха
иалаԥсит.
Абна ҳнылҟьан, надаада бааԥсык ҳнаҿалт.
Аҽыхәа убас ицон, саԥхьа ахәы иавҵалоз амза ацәы
бжа уажәы-уажәы санҟьаны сԥыххаа сагоз џьысшьон.
Ишиашаз аҩны ашҭаҿ агәашә ианнадыххыла, ауеима
да арган икьыркьырт, еиҭакьыркьырт. Аҩны иҩниба
ҳәан ианаасыдыххыла, саргьы акәадыр амаха аасым
пыҵышшан, схьышьшьы сҿынасхеит.
– Баба дыршьит! – сҳәеит. Сыҿгьы акит.
Нас, сагьԥсымкәа, сагьбзамкәа ацәарҭаӷәы сахьны
қәырҵаз, аеҵәа кыдхуа иахьыҳәҳәоз сгәы иқәыҩуан.
Аха шьыжьынӡа акы еилыскаартә сҟамлеит. Ашьы
жьымҭан санааԥш ҳәсақәак еимацәыххаа, схахьи
сшьапахьи итәан.
Аҳаҷаҳәа исгәалашәеит зегьы.
– Баба! Баба!
Арҵәаа ааҭсырган, сҩаҵхахеит. Аҳәсақәа ҩеибар
гылан иаасыкәшеит.
– Мамоу, нан дукәыхшааит, – лҳәеит руаӡәы, – ан
цәа ҳихьчеит. Уи иԥсы ҭоуп, дырхәит.
– Дабаҟоу?!
– Агаҟа дыргеит, нан, дырхәышәтәырц... Дшыбзиа
халак ара даауеит.
Ирулак сдыргәыбзыӷит.
Ҩымз рышьҭахь дааит саб. Уи игын, иԥшшәы цаны,
еергьҳәа дыҟан. Насгьы кьаҿмаҭәала деилаҳәан. Абыр
жәада аԥсуа маҭәа ишәымкәа дсымбацызт.
Наҟ-ааҟ сӡамҩақәа кны, акраамҭа сыблақәа дырхыԥ
шылон. Схәыҷын, аха убасҟан еилыскааҵәҟьеит аду
неиаҿ зегь реиҳа саб дшеиӷьасшьоз. Дсыхәаԥшуа, дсы
хәаԥшуа, иблақәа цәаакхеит. Нас ҩ-лабжышк ԥхашьаԥхаҵо наҟ-ааҟ иблақәа иаарыхгылт.
– Уан лыблақәа ишԥареиԥшу ублақәа, даанӡа ум
неиааит, – иҳәеит саб, нас сгачамкны сихәаԥшуашәа
аниба, дааччеит, – сыхәрақәа макьана имӷьац, суашә
шәыроуп... Унацәақәа ахьҭа анырҭалалак амца иа
хоукыр, ма аӡырҟәанда иӡааукылар, ахьҭа рылҵуа
ианалагалак ишухьуа умдыруеи? – деиҭаччеит сгәы
ирӷәӷәарц.
– Исымдыркәа! – сҳәеит сара.
Иара дҩагылт.
– Изусҭцәада УРҬ?.. Ирзуухьоузеи цәгьарас? –
сҵааит сара, – изуаӷоузеи?..
– Урҭ сара сакәӡам изаӷоу, аиашоуп. Дунеик ауп
иҟоу, уи аиашаз акәын изыҟаз, аха ахәахәа инкылан
иаман акраамҭа, уажәы ианацәыӡ – ицҳауеит, – иҳәеит
уи хара џьара дыԥшуа. Нас иҽылаирҟәын сыблақәа
деиҭанырхыԥшылт: – Уара уоуп, Баҭал, урҭ хаҵала
ҵәҟьа ирыцәцаз…
ИХӘ ЫҶ Ы МКӘА ИДУХАХЬАДА . . .
Ари ҟалеит абас: зны саб аус ицызуаз иреиуаз сас
цәақәак ицны аҩны дааит. Саб иашьа Аџыр (уи сара
дсырҵаҩуп аҟнытә, зегь реиҳагь сицәыԥхашьоит,
ами шьҭа, сицәшәоит) дрывагьежьуа рымаҵ иуан.
Саб иашьа иԥҳәыс Мараса лакәзар, лшьапы дахьы
қәгьежьаауаз убаӡомызт.
Афатә рхианы астол ианынахатәа, саб ивараҿы
снаган сдыртәеит. Уи акраамҭа сибомызт аҟнытә, да
нааилак минуҭк сиԥыршәар иуамызт. Асасцәа ԥыҭ
кгьы рфахьан, ԥыҭкгьы ржәхьан еиԥш, Аџыр урҭ рны
ҳәаҿақәа аанкылан даналга, Мараса дналыхәаԥшит.
Уи дналыхәаԥшыр, уаҳа лҭахӡамызт, зегьы ажәада
еилылкаауан. Дааиқәҟьашан, али-ԥси рыбжьара илы
ман даакылст УИ.
– Ацәхьа! – сҳәеит сара иахьыздырыз сеигәырӷьан,
– ахы шԥачаԥоу!..
– Ацәхьа акәым – аԥаҭхь, – иҳәеит Аџыр, ашкол
аҟны аурок анаҳзеиҭеиҳәо еиԥш дааҭгыла-ааҭгыло. –
Ауардын мҿыжларц азы алыра иаҵыршьуа зҭаҟарҵо,
изланыҟәырго ауп ацәхьа (уи аларгыла иахыршьуеит,
ахахьы наҟ-ааҟ икылблаан, адаҷ аҵдан); аԥаҭхь – аҟаза
цәа иҟарҵоит (ацәхьа ауардынхьчагьы ицәаблагәуеит,
усҟак иуадаҩӡам), даара иацклаԥшны иҟарҵарц рҭа
хызар, ахахьы араӡны акәыршаны идырԥшӡоит.
Абас дмыццакыкәа, иԥкаауа, саб иашьа исирдырит
ацәхьеи аԥаҭхьи шеиласырҩашьаз.
– Саб гәышьа, – иҳәеит Аџыр, – абри аԥаҭхь ала
иныҳәаҿа никылон ашықәсан зегь реиҳа зхымҭа
хиахаз, ажәеиԥшьаа дыззылыԥхаз. Уи дшәарыцаҩын,
ашәарыццәа нцәеитәуан. Ҳаб – ҳаб иоуп, аха ҳара
ҳшәарыццәам. Аԥаҭхь нхеит, усҟангьы уажәыгь иҭаҳ
ҭәо ҩуп, аха аныҳәаҿа аҽакхароуп... – Нас ашырҳәа
дҩагылан, аԥаҭхь ахи аҵыхәеи аанкылан Мараса лахь
инаирххеит. Уи аҭыџь гәыгәым ахы лалырхан, аҩы
нҭалҭәеит.
– Иахьарнахыс абри аԥаҭхь аҩны ашә зшьапы нхыз
го зегьы ирымкыр ада ԥсыхәа амамкәа иаԥҵахоит!
– иҳәеит Аџыр, Мараса димҵасны ицәылгар ҳәа
дшәошәа аԥаҭхь ҳаракны, ибжьгьы шьҭыхны. – Абри
ала иныҳәаҿа скуеит сашьа еиҳабы! (Саб дахьтәаз ак
иҳәар иҭаххан, сыхәда иқәкны иикыз инапгьы аақәи
хит, аха Аџыр уи имбаӡазшәа ҟаиҵеит). Сара сашьа
раҟны мацара дынханы дыҟазар, уажәы ара усҟак
шәысмырӡырҩыр ҟалон. Аҵеи дыцәгьахар, иҭаацәа
дырзынхоит, дыбзиахар, жәлары зегьы дыртәуп! (Саб
иашьа ажәаԥҟақәа бзиа ибоит. Аурокқәа раангьы сааҭк
ала жәабаҟа иҳәон. Аха, «ажәлар ирҳәоит», «анкьа ир
ҳәон» ҳәа абжьааԥны иацырҵақәо ациҵаӡомызт, ус
ишиашоу иааҭырҟьаны иҳәон, уа дышгылаз иааиныр
слан ихәыцызшәа).
– Уи мцым, иашоуп! – аӷу ааилдыргеит ҳасасцәа.
– Иухьзеи уара, ас убахьоу? – саб санынаихәаԥш,
аӡәы иқьышә дҭасызшәа дтәан, иашьа иажәақәа
игәы иалсны. Аха Аџыр ииҳәоз саргьы исгәаԥхон,
ииашоуп уи ацә... аԥаҭхь иакуа аҩы сара сҩагылан
исзышьҭыхуам, заҵа исымжәра, аха саб данырныҳәа
саргьы сахьтәоу маӡажәала аныҳәаԥхьыӡ иацыс
ҵалап... «Ажәлар зегьы дыртәуп» иҳәоит саб иашьа,
аха зегь раԥхьа сара дыстәуп. Уи иеиӷьасшьо уаҩ
дсымаӡам!
– Ҳара ҳныҳәаҿақәа нибакылалап, ҳара-ҳара ҳаи
баныҳәалап, – иҳәеит саб, дааччашәа.
– Уаҟәыҵ уара, уи ауаҩ аиаша иҳәоит. Еснагь аиаша
ҳнахыкәша-аахыкәшо ҳдәықәзаарыма... Аԥаҭхь убри
аҩыза азин ҳнаҭоит... Иаахтны иуаҳҳәарц...
– Уаасҟәаҵ уара, иршьуагь жәак ирҭахьеит... иаа
сараӡа, – иҳәеит дыччо Аџыр. – Егьирахь, ҳара уаҳтәуп
ҳәа мацара изааӡарызеи, жәлар рзы уааԥсахьеит, жәлар
рзы уҟоуп... Уара ухьӡ инаԥшьны абри аԥаҭхь ала рны
ҳәаҿақәа ныскылоит, жәлар зхы рҭаху, жәлар рзы зхы
зҭаху зегьы!..
– Амин! Амин! – рҳәан, рнапқәа ааинырҟьеит асас
цәа. Мараса лгәыгәым нықәлыргылан, лнапы ааиныл
ҟьеит. Саргьы снапы ааинысҟьеит.
– Шәаанҿас, макьана зегь сымҳәац! – ихәнацәкьа
ракгьы ааидкылан, инапсыргәыҵа ҳирбарц иҭахушәа,
иҽышьҭихит саб иашьа. – Зныҳәаҿа ску дагьсашьоуп,
дагьсеиҳабуп. Ари аҩнаҭа зтәугьы иара иоуп. Иара уск
дашьҭоуп, ара рацәак даабалом, аха ихаҭарнак хәыҷ
ара дҳамоуп... Баҭал! Ҳаҩнаҭа аҳәынҭқар иԥа! Убри
иныҳәаҿагь абра иалоуп...
– Ихәыҷымкәа идухахьада... – рҳәан, исыхәаԥшны
иҩеибарччеит асасцәа. – Принц!
Урҭ сабгьы даргьы еиманы ишааз еиԥш ицеит. Аха
сара сынхеит. Саб ихаҭыԥан.
– Принц! – иҳәалон саб иашьа уи нахыс. Насгьы, уб
ри нахыс, џьара сасык аҩны даакыдгылар, абри ацә...
аԥаҭхь шьҭыхны аныҳәаҿа иацыз ҳәаны ижәыр акәын.
Саб ихаҭа данырымбоз, иара итәы иҵегь инеиҵыхны
иалацәажәон. Раԥхьа иргылан, уи ахаҵа гәы змоу аӡә
шиакәу, уажә аԥхьа, абри аус азы («абри аус» ҳәа изҿыз
Асовет мчы акәын) ақәԥара данаҿыз астражникцәа
мацәазшәа икәшан ишыҟоу, аҟәҟәаҳәа ишишькларҵо
(«ишишькларҵо» ҳәа анырҳәоз алапҟьақәа ишьклар
ҵозшәа сгәы иаанагон сара) еилаххаа еилаҵаны дыш
рыцәцалоз. Аменшевикцәа рхаан, дызкырц ишьҭаз
ԥшьҩык ауаа рабџьар рымхны, еидцаланы ишкеицаз...
Ахы шиқәшәахьоу, аӡы дшаанахәахьоу. Уажәы араиком
аҿы ауаа иахьрыхьуа гәаҭаны знапы адызкыло, ауаа
ртәы здыруа иара иеиԥш уаҩ дшыҟам. Ахәахәа баны
дшаҩымсуа... Ирҳәон, ирҳәон, ирҳәон... Аҩгьы аҽҽаҳәа
рҟырҟқәа ирҭачуа илеиуан. Аӡлагара аӡы ианацлалак
еиԥш, рыҩныҵҟа ахуҳәа «илаго» ирзахаз «рылу дуқәа»
– рыгәқәагьы еиҳа иццакны аусура иалагон.
Саб ас дыҟазар «принц» ҳәа баша исышьҭамзаап
сҳәан, саргьы схы самхабзиахеит!
Ш ӘЕ ИБАДЫР. . .
1. Саб – Дауҭ Гәадала-иԥа Ангәуа. Шьҭрала дын
хаҩуп. Дкоммуниступ. Ԥшь-класск ргимназиа да
лымгацкәа дҭырцеит. Аурок аан «Ҳара ҳаб анцәа ду»...
ацынхәрас «Интернационал» данаԥхьа, апап иԥсы
илшәшәан, аӡы иҿадырхәхәо мацара цәгьала иԥсы
ааргеит. Абольшевикцәа рпартиа араиком аҿы аус
иуеит. «Иаҳҭынраҿы» мызкы-ҩымз рахь знык даакыл
ҟьаны дцоит... Еснагь ихы амца аркызар, арцәаха
имам. Уи итәы хазы уаҳа сааҭгылаы салацәажәом...
Бзиа дахьызбо аҟнытә, амцхә сҳәар ҳәа сшәоит. Еи
ҳаракгьы, уи иара ихаҭа иҭахым...
ъ/
2. Аџыр Гәадала-иԥа Ангәуа. Ԥшь-класск ргимназиа
далгеит. Дырҵаҩуп. Дкоммуниступ. Уи ҳҳаблаҿы аш
кол ашьапы зкыз иара иоуп ҳәа акәын ишырдыруаз.
Аурокқәа раан, игәы аналаҟаз ажәабжьқәа рҳәара бзиа
ибон: сара саби иареи агимназиаҿы ҭауади-аамсҭеи
рхәыҷқәа ишатәарымбоз, аха урҭ рцасҳәагьы зегьы
иреиӷьны ишырҵоз. Нас иара иашьеиҳаб (сара саб),
агимназиа данҭазгьы иакәым ибаны дшаҩымсуаз, ашь
ҭахь убри аҵыхәала дагьшҭырцаз. Нас иара ихаҭа абри
ҳқыҭантәи ашкол аартра дшашьҭалаз, еиҳабырас иҟаз
зегьы (ҳәарада, гәаныла даара ицәымӷын) аӡәы дын
мыжькәа дышрыҳәоз, дшырчоз... Ажәакала, аҵыхә
тәаны жәҩангәашәԥхьара аатын, игәҭакы шынаӡаз...
Уи арҵаҩ бзиа ҳәа ихьӡ неиҭарҳәоит ақыҭаҿы,
арҵаҩ бзиа ҳәа изырҳәоит араион аҿы. Ус акәхап... Зегь
ус рҳәоит, аха ҳара аҵаҩцәа ҳицәшәаны аҩ ҳаҵалоит.
Аурок аан џьара уанаақәаца, иику – ҵәаӷәанҵагоума,
журналума, шәҟәума – акы уаҩиго дыҟам. Ма улымҳа
дамҵасуеит, ианимԥыхьашәагьы ҳаӷеимшхароуп...
Сара ашкол санҭалаз аахысгьы, классцыԥхьаӡа иара
уи ихала иакәын рҵаҩыс исықәшәоз... Еиҳарак уадаҩ
рас иҳамоу аҩроуп. Иара ихаҭа, аандашыш бзиа еиԥш,
алар ықәҵан, џьара еилшәарак амаӡамкәа дыҩуеит.
Ҳаргьы убри ҳадицалоит. Сара дсылакьысуамызт.
Знык «принц» ҳәа саҳәаны иажәа еилеигар ҟалозма!
Аха егьырҭ џьара иааиласыр, ишимчу цәаҳәанҵагала
рнапқәа дрысуан. Згәы ԥшқоу ахәыҷқәа рыбжьқәа
мыргакәа ианҵәуо, рылаӷырӡқәа ртетрад иақәҭәар
ҳәа ишәаны, рхы хыркуеит. «Убас ҟасымҵар, аӡәы акы
иҵо дыҟаӡам, – иҳәо саҳахьан уи аҩны данцәажәоз,
– иаҳҳәап, араион аҟынтәи ауаҩы ҳгәеиҭарц дааит...
Сара, апартиа иалоу ауаҩы, изсырҵо ахәыҷқәа акә
ты иабӷьаҭызшәа ирҩит ҳәа идсырбар, сыхгьы сырԥ
хашьеит, сашьагьы дсырԥхашьеит».
Иашьа итәы аҳәара дахашәалом, џьара еимгеим
царак ибар, уи ныбжьеигалоит. Аиашаз, ақыҭа аиҳа
быра, апартиа иалоу аҿар, анхацәа – аӷарцәа, абжьа
ранхацәа – аӡәырҩы аауан уи иҿы, ражәа, рышшԥхьыӡ
саб илымҳа аҟынӡа инеигарц.
«Принц!» – иҳәон уи дыччо, иахьа ҳахьааиҿаҳалак.
Ашкол аҿи, ма ани аԥаҭхь аникызи ракәын сара уи
ааигәа данызбоз. Мышкахьы ԥшьба-хәба сааҭ ашкол
аҿы ихигоз рынахыс, аҩны дыҟан. Аха сара, хыхь ак
гьы анамуаз, шамаха адәахьы ашҭа анҭыҵ сыҟан. Иа
науазгьы еиҳарак, сара суада – «аҿаԥара» ҳәа изҿу аҟны
сыҩнатәаны ашәҟәы саԥхьон, асахьа ҭысхуан, сиарҭа
сықәианы, аԥсабара ахьатә-ӷәы ианнаҵаз аџьуҳар
ҭыԥқәа гәаныла еиқәыршәаны асахьақәа рылсхуан.
Ажәакала, уии сареи ҳаиқәшәара атәы шыҟаз абас
акәын: ашкол – аԥаҭхь, аԥаҭхь – ашкол...
Ҳара ахәыҷқәа акы ҳгәаԥхаӡом акәымзар, уи дыцә
гьандаз зегьы дыбзиоуп ҳәа изырҳәозма. Сара схы
шьышьуа «принц» ҳәа сқәарах-қәараҵо сима дықә
лозма. Амала, илеишәа ахьыцәгьаз ҳзышьҭыхуамызт.
Сара дышсыламкьысыцызгьы, сӡыӡо стәан. Аха убригь
иамуазар?..
Саб иҩызак, лафҳәаҩык, лахҿыхк, дыхәмарны абас
сеиҳәалон: «Амшә ашьҭахьтәи ашьапы уамҵасны
иануклак, иумнахуа иалагозар, уҽумырххан...»
.... Уҽумырххан!..
3. ...Мараса... – уи иԥҳәыс. Шьҭрала... Анхацәа дрыл
ҵзар акәхап. Партиа далаӡам. Дыҩнԥҳәысуп. Уахгьыҽынгьы дааԥырымшәаӡакәа – аҩны, аҩны, аҩны...
Аха сара иааигәаны данызбоз акранаҳфоз акәын. Уб
рагь лхы амца аркызар арцәаха лымамызт. Уи лыхцәы
ҵалкуан акәымзар, аҳәахаҵәҟьа деиӡомызт. Данааб
жьашәоз, илҿышырц лкасы аалхыхны, аилыргара да
лагон. Акәкәыҳәа дацрыхон, рагәа-рагәа иҵыхны лаԥ
хьа ацәарҭаӷәы иқәылҵон, дшәиуан-дыԥшьиуан иш
кыдцәҳәыша, ишкыдҵыша ҳәа.
Гәыбӷанс илуҭозеи, еснагь дыццакы-ццакуеит, анахь
дыҩуеит, арахь дыҩуеит. Асасцәа дырхагьагьоит, аҭаа
цәа дырхагьагьоит, аӡәӡәатә, аҳәҳәатә – дгьагьоит,
дгьагьоит, дгьагьоит...
Амала сара зны акы гәасҭеит. Ауаџьаҟ азы амҿы
хыҵәҵәаны гәыла ҷкәынцәақәак иаҳзышьҭарҵан, ла
реи сареи иганы аҩны аҵаҟа иҵаҳҵар акәхеит. Дбыжь
ҟьаны амҿырҟә
арахь даауан, дбыжьҟьаны аҩнаҵа
ҟа днеиуеит. Сара смыццакӡакәа сыбжьан, избанзар
амҿы рацәан, ус салагар сааԥсон. Уеизгьы, шаҟантә
ҳцан ҳаауаз аагәасҭан, лара жәиԥшьынтә дцан дааит,
сара ҩажәихәбантә. Ажәохәынтә рзгьы, иаанхаз зегьы
сара ишьҭыхны ишаазгоз лхашҭызшәа, амҿырҟәара
аҟынӡа усгьы дцеит...
Уеизгьы иахьа шар хәлаанӡа абас дгьагьон... «Аа,
рацәа дыԥҳәыс гьагьоуп!» – рҳәон дызбоз. «Ари ԥҳәыс
гьагьаӡак лакәгәышьоуп, аха дхәызжәаӡеит, акгьы
умаӡамзаргьы аҩны аума аҭахуп,» – иҳәалон Аџыргьы
ауаа аныҟаз. Нас ларгьы, убра дахьрыдгылаз инаркны,
дгьагьо лҿыналхон.
Дгьагьоит, ажәакала, дгьагьоит.
Амала, сара сзы дыбзиан, шаҟа сҭахыз ахақәиҭра
сылҭон. Лара лԥацәа хәыҷқәа – Леуеи Заури ашҭа иааҭ
шәаны илуӡомызт, «аки-аки» ҳәа ҿыҭуа дрышьҭалон,
џьара агәара инкылшәаргьы, иааганы дырҩегьых ашҭа
иҩықәлыргылон.
– Абра шәыхәмарла, ашҭа шәанҭыҵ шәыԥсы
ҭысхуеит!
Даргьы хәмаруан.
Сара ашҭа сҭыҵны сцон, сыԥсы аҭыхрагьы уаҩ
дашьҭамызт.4. Леуа – урҭ рԥа. Фышықәса ихыҵуеит. Уи уахгьыҽынгьы дҿамҟәоит. Иааирҭалак, иааимԥыхьашәа
лак ифоит. Ацламҳәаҭыԥ ыӡуам, иаргьы иныԥшын.
Дпырқьаӡа, дӡыӷраԥшьӡа дыҟан. Дтәаа-маауа ашҭа
дахьықәыз, сааиахәмарып, инапқәа дрынкны дсыр
гьыжьып ҳәа уалагар, акгьы алҵуам. Дахьгылоу дузыр
қәацом. Иифо зегьы тса рҭәаны уа иӷрахошәа.
Ас дҿаҿкәызӡа дахьыҟаз, аҩны иааиуаз зегьы ры
лаԥш дыҵашәон. Дгәыдыркылон, дхыдыркылон!
Иџьоушьашаз, сара дангәыдыскылалак, ибз кылыр
ҳәҳәан исирбон, егьырҭ дангәыдыркылоз дрыхәач
чон. Уажәшьҭа аҩызара сзиуртә дыҟан, аха егьазундаз
ашәи-ҭышәи дсыцымцеит.
Ажәакала, уи «спринцра» амч даҵагыломызт, мап
ацәикуан.5. Заур – уи иашьа. Ԥшьышықәса ихыҵуеит. Еиқәа
кы, ҵаӷакы иоуп, ибла еиқәаҵәақәа ҭыршәшәааны.
Ибз цәгьоуп, ухы илоумгалароуп акәымзар, иааиҿыҵа
шәо зегьы уеиҳәоит, уан дынижьуам, уаб дынижьуам.
Изҿиҵааз уара ддыр! Уаҩы измырқәацаӡоз Леуаҵәҟьа
иԥсаҟны днеигон. Дыҩны Заур дишьҭалон, аха уи ажьа
даҩызан, Леуа дизкуа дыҟазма!
Сара Заур шамаха схы илазгаломызт, ацәгьагь сҳәо
мызт – абзиагьы, избанзар сан лыӡбахә ала акы иҳәар
ҳәа сшәон...
Леуеи иареи рыгәқәа нибархон, уажәы-уажәы аӷьӷьа
аарыхгон, аха иара убас ирласынгьы еинышәон. Кәыр
ҷыжьк рымоуп, еиҭныԥсахлан иақәтәо, иахьа хәлаанӡа
иааҭымҵӡакәа, илага-ҩаго ирыман иқәуп.
АД ГЬ ЫЛ ХӘЫҶ Ы ЗАРГЬЫ , АЖӘ ҨА Н ДУ
АХАГЫЛОУП
Дгьылла са «саҳҭынра» иаҵанакуеит ҩ-гектарк. Уи
иахьаҵанакуа иқәсны ицоит аӡыхь. Аӡыхь – ӡыхь дууп.
Саргьы шьҭа схәыҷӡам, аха аӡыхтарҭа лахыс џьара
сынҭоургылар, сшьамхы иҩахысуеит. Изызӡарызеи, уа
рацәак, рацәак акәым, зынӡа сшьапы нӡаасымкылац...
Избанзар, уахьынӡааԥшылалак, иҳәырҳәыруа аҽы
ҵырбелқәа ҭоуп. Ус сахьахәаԥшуа ишаҟароу гәҩарас
исымоуп.
Уи аӡын иԥхоуп, аԥхын ихьшәашәоуп.
Дгьылла рацәак ҳаҟаӡам, ишыжәбо, аха уи иахагылоу
ажәҩан агәҭа ааҩшаны икыдлан ицоит амра. Уахынла
акәзар, хыԥхьаӡара змам аеҵәақәа зҿажьу ажәҩан аха
ӡоит. Ашьхацамҩа акәзар, ауаса шкәакәақәа реиԥш
аеҵәақәа ықәыӷӷа, зынӡа ҳашҭа «иҭганы» игоуп.
Аԥхьаҵәҟьа исхашҭит, аха уажәшьҭа исҳәарц сҭа
хуп, ари «ҳҳәынҭқарра» еиԥш «аҳәынҭқарра ду» иаҵа
накуа зегьы рыхцәажәара сара сымчгьы шақәым
хо, егьшысҭахым. Ус, иналк-ҩалкны, раԥхьа сылаԥш
иҵашәаз, схәыҷы хшыҩ иԥнаҟаз роуп зыӡбахә ара
исымоу.
Абасала ауҭра... Уаҳа аҽак акәым, ес-ԥхны ара
иҩежь-ҩежьӡа аӷбақәа реиԥш ихаззала ихыжьлоуп
ашьынкақәа... Рыфҩы лаҳа-лаҳауа.
Аҳа дуқәа, сабду даныҷкәыназ еихеиҳаз. Урҭ руакы
аиаҵәабӷьы ахьыссы, ашәпарахь џьара иҭагәаҩоуп.
Агәаҩараҿ аиашқәа ҩба амоуп. Уи маӡоуп, избан
зар, ҳара ҳаҩн ду ауадақәа руак аҿы аҭӡамц икыдык
наҳалоуп зеиԥш уҭаху ашәақьқәа. Насгьы ашәарыцаҩ
ду ишьа злоу ауаа... Еиҳарак, ахысразы саб иашьа уахь
дыҟоуп рҳәоит... Ииашоуп, изласаҳахьоу ала сабду
шамахамзар дшәарыцомызт рҳәоит, аха иудыруазеи
ашәарыцаҩ ишьа ихылҵыз рахь ианиасуа аҽшаԥса
хуа! Аиашқәа ахьҭоу ангәеиҭалак, иҽизнымкылакәа
ашәақьқәа еихышьны ауарҳал иахьақәыкнаҳау руа
кы аакнихыр... Иҽӡаны аҳа ашьапы иҽнавеикыр...
Аиашқәа ҳәырҳәыруа, рҵыхәа баба хәыҷқәа ҵәҩан
ҵәыҟа ирханы аҳа-гәаҩара иааҭыҵны, алашара анаа
рызцәырҵуа «аҵықь» ааҭгар... Еиҭах «аҵықь» ааҭгар...
Изакәу еилдыргаанӡа, абриаҟара идмыргәаҟуаз адунеи,
аԥсабара кшаԥаны алашьцара инахәланаршәып, уаҳа
ианакәызаалак алашара рызхымтӡо, наӡаӡа инарыз
кацәап...
Абас ҟалар ҳәа сшәаны, сыԥсы иахырӡаан уаҩы
иасҳәаӡом. Аӡәы сгәеимҭарц азы, скылԥш-кылӡырҩуа
мышкахьы ҩынтә-хынтә снеины срыхәаԥшлоит. Уи
уаҳа ԥсыхәа амам... Апринцҵәҟьагьы иара иҳәынҭ
қарраҿ инагӡаны ихы дақәиҭны дзыҟамлозаап...
«Сыпринцымхар» абригь сзеилымкаар ҟалон...
Аиаш ахәы ианакәызаалак сахьымсыц, аха харан
тәигьы сацәымҩашьо еилыскаауеит, сцәа ианыруеит
уи шаҟа иԥшқоу. Амш анеилго ажәҩан ихыло аԥсҭҳәа
быбышқәа реиԥш...
...Арақәа... Ес-ԥхынра урҭ рымахәқәа рыжәпараҿ,
рымҵақәа рҿы иҵәаа-ҵәаауеит арашәыгақәа. Есхкаарачан, асахҭан-рҵәы еиԥш иҟаз рыбӷьы-хәхәа
дуқәа ахьхьа-хьхьаҳәа иахьрымҵаԥсоз, иҟәаш-ҟәаш
ӡа игәылшәан инеиз акаканқәа рылԥшуан. Изакә цәацқьа, цәа-ҵаӷоузеи урҭ акакан-шақәа ирхоу! Аџьын
џьыхәа рыԥхны икнарҳауан, аԥшаӡеи аҩызи иадыр
кылон. Сасык данааиуаз, ма аҭаацәа рзы иналаршәны
кәтык аныршьуаз, арашы хыҵәҵәала акакан сыӡбал
инӡаарҵон. Изакә бзабаази убарҭ арақәа алшықәса
нык иаарылаабаауаз! Дара рхаҭақәа урыхәаԥшыргьы,
аҭыԥҳацқьа илеиԥшын, рцәақәа ҟәаш-ҟәашӡа аҩсҭаа
дреилаҳарын.
Егьырҭ ашәырқәагьы рацәан: аҵәақәа, атамақәа,
ажь шкәакәа, аиқәаҵәа...
Ҳашҭа аҩныҵҟеи анҭыҵи ԥшьба-хәба хыбра гылан.
Ахьатә кәаскьа ду. Ари сабду иргылеит. Ирҳәоит, абри
амаҭәахә зегьы, уаҳа зда царҭа амам аԥсҭахаҩаӡарантәи
иҭганы иааигеит ҳәа. Акәаскьа ԥшь-ҿык амоуп, аха
аԥшьҿык анырҳәо ахыԥхьаӡара иалам ҿаԥарак амоуп
ашьҭахь. Уброуп сара стәарҭа. Уа сышьҭалоит, сҵатәқәа
ҟасҵоит, асахьа ҭысхуеит. Астол ацымхәрас аҟәардә
сымоуп, ҟәардәра скаруаҭ исызнауеит... Бзиа избоит
сара стәарҭа!..
Уа, зны-зынла, ҩба-хԥа сааҭ, қьаадкгьы џьара из
кыдырҷаблам ахьатә ӷәы иану асахьақәа срыхәаԥ
шуеит. Уи ус инахәаԥшлакгьы изгәаҭаӡом... Амшәқәа,
ашьабсҭақәа, урҭ ираҩаӡо ашәарыццәа... Дарбан урҭ
зсахьақәа рнумбаало! Нас ашә ахаҭаҵәҟьа иануп шьха
ҳаракык аҿы иқәгылоу ҩнык, ашҭа гәарала икәыр
шаны, ашьац ықәышьшь, амра акәзар, аҩны иахыҳәҳәо
ауаџьаҟ ду иааҭыҵызшәа ахыб иқәтәоуп...
Зашәа зхы зҭаху тәарҭа иоуша!..
Акәаскьа ду агәҭаҵәҟьа ажәытә хаҳә уаџьаҟ ду
амоуп. Уи ҟазҵаз Агатәын рҳәоит. Ижакьа ҟәашӡа,
ҭаҳмада хәыҷык иакәзаарын. Уи ауаџьаҟ аныҟаиҵоз,
«сыԥсыргьы, абра амца анеиқәу шәахәаԥшлар, ссахьа
шәзааиуеит» иҳәалозаарын. Саб иашьа иԥҳәыс илыр
зацәом акәымзар, уи аҩсҭаацәа иқәтәан ҳәа лгәы
иаанагоит. Аӡын амца шоушоууа изҭоу ауаџьаҟ иа
наадтәалалак, уи иӡбахә ааргәалашәоит.
«Шьашәы уҭарблааит!» – дҟәындҟәындуеит лара.
Изҭаху ииҭаху иҳәалааит, уи ауаџьаҟҟаҵаҩ есҽ
ны амца сныҽҳәатәацыԥхьаӡа исахьа сзааиуеит сара.
Аха аҩсҭаацәа ҳәа аӡәгьы диқәтәан дызбом. Иԥа
ҵақәа, ихы-иҿы уаркалеиуеит, имца блақәа рыла дсы
хәаччоит, дсалацәҟәысуеит, сгәы ирԥхоит... Егьа ихьҭа
бааԥсызаргьы, даннахәаԥш, дшыччо мацара иахьцаз
иахьааз умбаӡо иныҵаирбоит...
Жәаба-жәохә ҩнаҭа рҿы иҟаиҵаз ауаџьаҟқәа, амца
агәгәаҳәа иҭаҵаны иахьыҽԥынтәалоу исахьа рзааи
уеит, сара сҩызцәа хәыҷқәакгьы... Имца блақәа рыла
дрыхәлаччо, ргәы рԥхо, ргәы ҟаҵо.
Акәаскьа иавагылан амаҵурҭа. Алҩақ алсны, аҟа
уар иақәыз, алак ықәдыршазшәа, аҩныҵҟа ала еи
қәаҵәа цыҩцыҩха. Амаҵурҭа аԥхьеи ашьҭахьи ӷәыла
иҟаҵан, аварақәа – хәажә быцала ишшын. Аҩныргәы
агәҭаҵәҟьа ахчныза ду ыҵан. Аӡынра, абри ахчныза
рыхқәа ықәкны, амца рыцралон амҿы ршьшьа дуқәа...
Ар рымца ҳәа изышьҭоу «агәгәа» ахга еиқәын... Аха

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҽыкәаҳа - 09
- Büleklär
- Аҽыкәаҳа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3661Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3688Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3644Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3664Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3657Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3617Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3674Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3732Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3708Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3715Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3632Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3748Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3786Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3716Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3638Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3621Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3686Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3072Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.