LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аҽыкәаҳа - 07
Süzlärneñ gomumi sanı 3674
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Ҵәыцак азна аҩы ԥхеиԥхеиуа иааган иҩеилыркит
иҵәрышкәаӡа уа ирыдгылаз аӡӷаб. Уи рхәы аалгазар
акәхап. Лара Басиаҭгьы дидыруан. Абра ааигәаӡа ин
хон. Хыгә иԥеи уи лашьеи еиҩызцәан. Аҩны ҳаргылоит
ҳәа иаҿызгьы, уи иҩызцәа ракәын, уааҳәра руан.
– Иа анцәа умшитәааит, дад, – иҳәеит Басиаҭ, инапы
ҵысҵысуа аҵәца кны дахьгылаз, – уаӡәыкызтәыз
ушәикитәааит. Аԥсҭазаараҿы ацәгьа абзиагьы маҷ
ӡам... Анкьа зны уани уаби рымца ахы ахьеиҿаркыз,
алҩаҵә ахьҩарышьҭыз, еиҭа рымцахаара аԥсы ҭоу
ҵеит, дад, анцәа уԥсынҵры ҟаиҵааит! Уара уажә
шьҭарнахыс зышә аауртуа аҩны ацәгьара аҟәыблааны,
абзиарақәа ирҿархасырҭан, анцәа дақәныҳәааит!
Уҩны ашә анааурт аҽны инаркны, адунеи зегь ҩнаԥшуа
иҟоуҵеит, адунеи зегь алоурхәит. Асынтәи мҩакоуп
игоу, аха мҩа рацәа арахь ихахоит. Агәырӷьараз убарҭ
амҩақәа ршьапы андыргылааит, уҩны зхы ақәкны
идәықәло зегь...
– Иҭабуп, иҭабуп…
– Капа! Еиҭаизҭаҭәа!
Капа дтартаруа лҿаалхеит. Зныкҟьара ада аҭахӡам,
аҵәца лнапсыргәыҵа иқәгылоуп иҭәны. Акы иазеи
қәымкуаз аччаҩ, махәи-ҵыси еиқәызмыртәоз ашәа
ҳәаҩ, акәашаҩ иахьа мыцхә лҽеиқәырԥшьыхаа дшыҟаз
гәеиҭеит Басиаҭгьы. Данцәажәозгьы, акы аныҟалҵоз
гьы, али-ԥси рыбжьара, уи «махәҭа» змаӡамкәа изыз
ҳаз аҷкәын лылаԥш неихылгон. Амацәыс еимҟьареиԥш
рылаԥшқәа ааиқәшәон, иааиҟәыргон… Аԥхашьараз
зегьы ҳхы рылаҳархәуеит ҳәа иаҿын акәымзар, рацәа
ӡакгьы аӡә дырбо, аӡә драҳауа иҟамызт.
– Уаҳа зжәуам, сбаба! – иҳәеит Басиаҭ. Уи еергьҳәа
акәын дышгылаз. Капа дыԥхашьо Басиаҭ днаихәаччан,
«махәҭа» змамыз илаԥш аӡәы илцәигар ҳәа дшәазшәа,
иаразнак уахь дыԥшит.
Басиаҭ, деихо аҷкәынцәа днарԥырҵын, зыргылара
иаҿыз аҩны днакәша-аакәшан игәеиҭеит. Уи метрак
аҟара бетонла ишьҭыхын, амаҟагьы ахарҭәаны, ауас
хырқәагьы ықәырҵахьан. Амзаша-фҩы рылҟьо, има
зеины ишьҭан агыдра злаҩаргашагь, ахаҩа злырхшагь
амаҭәахә.
Басиаҭ еиҭа иныҳәа-ныԥхьаны иҿынеихеит, даргьы
агәырқьҳәа рус напы адыркит. Акыр шықәса иҿаҳаха,
ақәа иарбааӡауа, амра иабылуа ишьҭаз ақьаԥҭа, аӷьеҩаӷьеҩҳәа аихашьҭыбжь ықәыҩуан. Аг-аҿы аҳәо еиҭа
ҟалахт ақьаԥҭа. Ԥыҭрак ашьҭахь ақәа леиуазаргьы,
асы леиуазаргьы ибахҵәаӡа инхоит ахәышҭаара, иахь
чаларц рымца. Ишаԥшаԥуа ахәышҭаара илоу, мыч ду
змоу уи ассир...
Басиаҭ уажәраанӡа ихәда еимаҳәахны ишыҟаз, уа
жәы иҽизнымкылакәа ихараӡаны џьара иҵәахыз ила
ӷырӡқәа аҽырҳәа рҿаархеит. Имаӷрала иблақәа ааҭи
рыцқьаан, аккара дыҵалаанӡа, аҩны зыргылоз рахь
дыԥшит.
Аҷкәынцәа зегьы хҩаха рымамкәа акака ирҿын.
Ақьаԥҭа, аӷацәа рыла ихҵәаз, ауацәа рыла еиҭа
зшьапы иқәгылаз, зымца ахы еиҿазкыз, улаша, уԥха...
Зықьнашықәса уеиҵаҩҩы уҟаз… Имыцәааит умцахә.
Ахи аҵыхәеи амцоуп, амцоуп! Амцоуп ахи аҵыхәеи...
Алҩаҵә хәхәаӡа ажәҩан ахь изырхо, абригь-абригь
аҩнаҭа ажәҩан ду аҵаҟа егьырҭ зегьы рылымкаа
ишқьаԥҭам, аԥсы шҭоу зҳәо... Амцахаара.
Ш ЬЫБЖЬО НУи аахыс митәыкгьы ҵуам. Дигәа ашкол данҭалаҵәҟьа зынӡа дхәыҷын. Усҟанҵәҟьа, абри данҩеидаслак
абас дгәылҩрны, адауаԥшь еиԥш изҳап ҳәа уаҩ игәы
иаанагартә дыҟамызт. Афизкультура аурокқәа раан
зегьы рханы дгылан УИ, иара – зегьы рҵыхәан.
«Акы!» – Дигәа абыржәы иаҳауазшәа дыҟоуп, уи цас
ҳәа даҵаҳәҳәа ибжьы ширгоз. Иҵарыхәҵәаӡа, аҟамч
аԥҵаҵеиԥш, апҟацаҳәа аҳауа иалатҟәацуан. Рыклас
саҿ усҟан ҩажәиаӡәҩы тәан. Дигәа зегьы дреиҵбын,
дагьреиҵан. Дагьҩажәиаӡәҩын. Аԥхьаӡара иара иҿы
ианааилак, «ҩажәиак» иҳәон уи, ибжьы ныҵакны.
Усҟангьы дыԥхашьон, убри дҿаҳәаны даман. Дыԥха
шьон, избанзар ани аԥхьа игылаз цас ишиҳәоз зегьы
ирдыруан. Аха уи арҵаҩы данирҽхәалак, егьырҭгьы
иацлабны рҟырҟқәа ԥырҵәон. Ишырдыруаз дырҩегьых
ас аныҟарҵалак, Дигәа дахьгылаз дыԥхашьаны аԥсра
изаауан.
– Убжьы рга, убжьы рду! – диқәцәҟьон арҵаҩы.
– Ҩажәиак! – раԥхьа аҵкыс ибжьы неиҳеитәуан, аха
уи аздырхомызт.
– Убжьы рду ҳәа уасымҳәеи, уара уҿы акыма?! –
ашырҳәа иара иахь иҿааихон арҵаҩы, – уҿы еилга!
Дигәа уи илымҳа икырҳәа дшәаны, иҩлымҳакгьы
иҩнапык рыла иааимлагәа, ишимчыз ибжьы наиргон.
«Ҩажәиак!» Уи зыбжьу иара иакәӡамшәа акәын ишибоз.
Ашәа ҳәо аҵла ушықәтәоу, узықәтәоу амахә уҵаԥ
ҵәан, иаалырҟьан уҳәҳәар иаҩызан.
Зегьы аҟырҟырҳәа иааибарччон.
– Очко! – ибжьы ҵарыхәҵәаӡа инахиҳәалон аханы
игылаз. Зегьы еиҭаибарччахуан.
«Сара саҵкыс еиҳабацәами, сара исымбо акы рбозар
акәхап, сара исзымдыруа акы рдыруазар акәхап.
Аччарагь азин рымоуп, иззыччогьы рдыруеит», – игәы
иаанагон, дыԥхашьаны ихы ахьигара изымдыруа
дахьгылаз.
Чмазарак еиԥш ихигон Дигәа аҭаалым аурокқәа.
Абас анихьлак, акраамҭа игәы ихьухьууа иҭан, иха
шҭуамызт. Убри азы акәхап, иара аспорт днахәаԥш
нык дызнымхоз. Ашьҭахь-ашьҭахь, уи имчи-иҟыбаҩи
зеиԥшрахаз ала, ихьӡ рҳәартә алшарақәа иоур ҟалон…
«Очко!» – уажәыгь игәы иқәыҩуеит уи ажәа. Усҟан
ари захьӡыз издырамызт Дигәа. Иара иччоз реиҳара
ҩыкгьы ирзымдыруазар акәхарын, аха изҳәоз, изахьӡу
мацара акәым, усҟан амацасрагь идыруан.
Дигәа усҟан акәым, иара уажәыгь уаҩҵас амаца
дзасуам… Адырраз идыруеит, аха иаҵаргалақәо аниба
лак, дааилышшаны иидыруагь ихашҭуеит. Уимоу, еи
гәыдырҵо анардҵәҟьа дзасуам.
Иудыруазар цәгьаӡам, ацәгьеи абзиеи аҿы ауаа
ахьааидтәало урыланархәуеит. Џьара маҵык ууазар
гьы, аха анаауоуа, ихәмаруагьы рыхәаԥшшьа уақәшәо,
арахь ҟаҵатәы умамкәа, ухашәалашәа уаанхоит. Усҟан
зегьы уара иухәаԥшуашәа убо уалагоит. Аԥхашьара
мыжда шәыблак ахоуп, акы анаақәаца игәанаҭоит.
Аха ахәмарра, хәмарраҵас иҟазароуп. Гәанылагь
еиқәԥарак еиԥш иухумгозароуп. Мап, мап, уи урҭ ии
бахьоу ахәмарцәа дрымаҭәам…
«Очко!» – илымҳа аҵу-ҵуҳәа иҭаҩуеит уажәыгь уи
абжьы. Дигәа УИ дихьӡеит хы-класск рҿы дыштәаз.
Хышықәса роума инеиԥынкылан класск аҿы дахахон.
Џьара маҷӡак ихы дзахәо дыҟазар, уи акы аҿы днаргон,
дахадырхомызт иаб иаҳаҭыр аҟнытә, аха изакәызаалак
акы сҵоит ҳәа игәы иҭамызт… Иагьизҵаҵәҟьомызт. Ус
рҽеиҿажьны, ашкол далымцакәа дааргон.
Дигәа иҭәыз ашкол ашҭа данынҭала, УИ зегьы дрыл
ҵны иара иахь иҿааихеит.
Изаазеи, мшәан, асҟак ианбеиҿархасырҭаз дара...
Шықәсы наҟьак рҿы еизырханы ианымеицәажәоз
ыҟан. Егьаџьара еиқәшәаргьы, димбаӡозшәа дивсуан.
Дигәа ианакәызаалак уаҩ диаӷаӡомызт. Ус ҵасыс
иман. Аха ашкол еицҭанаҵы, иара ибла ишабоз УИ
убриаҟара амацқарара ныҟәигеит, «Ҟаитан Ҭамагә
ашәа аниҳәо, сара сыԥхашьоит» зҳәаз иеиԥш, иара
Дигәа иакәын уи гәнызгоз. Диеисуамызт, диақәԥомызт,
аха ус иҟоу ауаҩы дзынеиҿаԥшуамызт.
– Бзиала уаабеит! – иҳәеит уи инапы рххо.
– Бзиа убааит, Заур! – икьакьаӡа, ихәхәаӡа иҟаз уи
инапы аанкылан иааирӷәӷәеит Дигәа.
– Ушԥаҟоу, Дигәа?
– Сыҟоуп ус...
Иахьа амашьына ихы ҭырҳәҳәаны даныԥшуаз дим
баӡозшәа ҟаиҵеит, уажәы дхьаҳәны дызҿу закәызеи,
мшәан...
– Иахьа ҳаҷкәынра ааҳгәалаҳаршәароуп, Дигәа,
иҳәеит уи ибжьы ҵарыхәҵәаӡа, – аизара иалагаанӡа
хәмаррақәак ҟаҳҵап ҳәа ауп... Ана еизаны иахьгылоу
умбои, убрахь унеи!
– Рушьни дыҟаӡами... Дмааӡеи?
– Ани ара даауа дыҟоума... Аҩнынӡа данызнеи,
уинахыс ашәи-ҭышәи дузнагом... – иҳәеит, нас, Дигәа
дааныжьны, диашахәҵәаӡа иныҟәашәа даҵаҽырбо,
ауаа рыжәпарахь дналалт.
Еицәажәеит, аха рылахь еиҵыхны изеихәамԥшӡеит.
Дигәа днеит урҭ еизаны игылаз рахь. Ара иара ашкол
ицалгақәаз аӡәык-ҩыџьак ракәын иҟаз. Егьырҭ рахь
изымдырқәозгьы рацәаҩын. Иҟан иара иқәлацәаз,
иҟан зарԥысымҭа иҭагылақәаз, инахыҳәҳәахьазгьы.
Аӡӷабцәа рахьгьы убас.
Ҭаалымҟаҵара аурок аан еиԥш еицрыхәхәа агылара
иаҿын. Дигәагьы днарылаԥш-аарылаԥшит, агәҭахьы
џьара дгылар иҭахын, аха иара иакәым, иаҟаразгьы
уаҩ дыҟамызт. Днеины зегьы рханы дҩагылт. Инеи
хәаԥшқәеит, иначча-ааччақәеит, аха уи иаха рыма
мызт цқьа, зегьы акы иазыԥшын.
Ус, апатреҭ еиԥш деилаҳәа-еилаца, ауаа дрылсны
урҭ рахь иҿааихеит Аџыр. Дааиуан дмыццакӡакәа.
Џьара ишьапгьы ааиласуаме! Дигәа иакәзар ариа
ҟараҩык шихәаԥшуа идыруазар, уажәшьҭа ишьацәхы
ԥқәа зегьы хижәжәахьазаарын. Аџыр иахьихәаԥшуа
еиҳагьы ихы ирҽеиуеит.
Дааины даагылт раԥхьа. Дааԥышәырччеит.
– Уа, мшыбзиақәа, дадраа! акаҩ ааҭиргеит уи.
– Уа, бзеира жәбааит... Жәбааит... Жәбааит.... Жәба
аит... – еинҟьа-еиныруа инарылсит. Абахә ианыҩуа
шәа... Ачараҿ раԥхьа ирыларҵаз аҵәцеиԥш.
– Акы! – иҳәеит Дигәа ибжьы рмаҷны.
– Убжьы ҳаракы, убжьы рду! – ҿааиҭит Аџыр. Аҟырҟыр дырган, аччара цәқәырԥа, аҵәцақәа, аҩбатәи ана
пы еиԥш инарылсит еицрыхәхәа игылаз зегьы.
– Акы! – иҳәеит Дигәа ибжьы ныҭганы, ишьагьы
шуа, иӡамҩақәа ҭыблаауа инарҿыст.
«Ҩба». «Хԥа». «Ԥшьба. «Хәба» – аҳәызбахәмарра
аныҟарҵо еиԥш, игылаз рыбжьқәа тар-таруа Аџыр
иаԥхьа иҵакшозшәа ибон Дигәа.
Ус ишиаҳауаз аӡәы «ҩажәиак» ҳәа ибжьы геит.
Иаразнак уахь днаԥшит Дигәа. Уи диздырамызт, шәа
гаала ишаанагара иҟаз, ашлац злашәахьаз аӡәы иа
кәын. Кьаҿ-маҭәала деилаҳәан. Зынӡа интерес има
ӡамкәа, ауаа рҟынтә ҳәа акәын дышгылаз. Уи, даҽа
убриаҟараҩык инаҩс игылан. Иҳәашьа иахыччар, дагь
хьамԥшыр ҟаларын. Дигәа илаԥш иааҵашәан ихаҿы
инхеит уи иԥшышьа. Ари ацуҭеи еибагозаргьы усыс
имамкәа. Уи зынӡа игәаламшәозар акәхап ихәыҷра.
Иахьа дыззаазгьы, ихәыҷра, игәалашәара, иҩызцәа ра
ҳаҭыр аҟынтә акәӡам. Аџыр еицырдыруа уаҩуп... Ауаа
аауан, иаргьы дааит.
Ауаҩы ианакәызаалак ихала ихәыҷра изшьӡом...
Днаскьаганы харантәи ихы дзахәаԥшраҳа. Уи ихәыҷра
аҽаӡәы ирҟьацуеит, иара изтәу ихаҭа изгәамҭаӡакәа,
аԥсыӡ амгәацәа мырҟьаӡакәа, аӡсага-рчқәа анаӷра
ԥырҽуеиԥш...
Иԥхьаӡонаҵы, Дигәа зегьы рханӡа дахьгылаз игәы
иқәыҩуан абжьқәа – игәаҩаӡа, иҵарыхәҵәаӡа, итатаӡа,
ихааӡа... Иҟан зегьы ирылкьны игоз – аихаӡабжьқәа,
абҩабжьқәа, амҿыбжьқәа...
Дигәа дгылан дӡырҩуан. Уи илымҳа аҟынӡа иааҩ
уан ана-ара еилургартә ишрылыҩуаз ианхәыҷызтәи
угәалазыршәоз абжьқәа. Аиҳараҩык рыбжьқәа уи иа
цәыхаран, аҽа дунеик, аҽа ԥсҭазаарак иатәын, уахь
иианагаӡахьан.
Иԥхьаӡо ишнеиуаз, аҵыхәаншәа џьара иаҳаит аӡә
ибжьы. Дагьааҭрысит. Даныхәыҷызтәи ибжьы акәу
шәа ибеит. Деиҭанаԥшит, уи анкьа зны зегьы рҵыхәан
идыргылоз аҷкәын хәыҷы, даан уажәыгь дахьгылац
дышгылоу ибарц иҭахызшәа. Аха уи зыбжьыз диз
гәамҭеит. Еицрыхәхәа игылаз рахь иҭәы-иԥха иҟаз
рымгәацәақәа ракәын иибоз. Урҭ дызрывԥшуамызт.
Аԥшра дшаҿыз Шьыта илаԥш налықәшәеит. Зныказ
игәы нҭыԥсааит, аха нас драҳаҭӡа, ихы игәы ақәыбзиан
дааҟалеит. Данааизгьы зегь раԥхьа ииԥшаарц ииҭахыз
уи лакәын, имаӡеит акәымзар.
ШЬЫТА! Ари еиԥш ахьӡ ссир ианакәызаалак имаҳа
цызт уи. Уажәы еиҳагьы еиликааит ус шакәыз. Шьыта
иара изы ихьӡымызт. Уи – дунеин. Ихы-игәы ақәы
бзиан, игәы раҳаҭны, игәы изырхьуа, дзырԥхашьо
амрирақәа дырцәыхьчан, илахь еиҵыхны днаԥшыааԥшыртә дҟазҵо.
Уажәыгь, уи дааигәаны ара џьара дшыҟаз аниба, ихы
дҩахан, ирыкәшан игылаз ауаагьы цқьа даарыхәаԥ
шит. Раԥхьашәа ҭаҳмадцәақәак рлабашьақәа рыҵар
гәан игылан. Урҭ егьыччомызт, рылахьгьы еиқәымызт,
ус иԥшуан. Иҟалап, уажәы аҽаџьара иҟазҭгьы. Аӡәы
заҵәык, қәралагь макьана иаҩцамыз ауаҩаԥшь ԥшӡа
Џьарма, дҵәи-ҵәиуа, иразынԥсараха иҟаз имаҟа
аҟәынақәа ахьхьа рыхго, икәымжә ӡырӡ даҵаҽырбо,
урҭ днарылҵны, арахь дааскьаны дгылан.
Урҭ рнаҩс Дигәа изымдыруаз уаа еилаҳәақәак рых
ҳаҭыр ақәҵан иԥышәырччон. Наҟ ауаа рацәаҩын. Хәы
ҷи-дуи еидҵәаҵәалан, еихеигәо, зегьы абрахь ааԥшра
иашьҭан.
– Уажәшьҭа шәеимпы, иахьак аурок намыгӡакәа
шәсышьҭуеит! – иҳәеит Аџыр дааччан. Нас дмыццакуа,
иблақәа ларҟәны, ишьапы акы адибалазшәа ԥыҭрак ус
дгылан. Даргьы ус игылан. Аҵыхәтәан, Аџыр ирласны
даахьаҳәын, иныҟәашәа иацымҵо-иагмырхо, рханы
игылаз Дигәа днаивсны дцеит. Игылазгьы зрахәыц
ԥҵәаз аимхәыц еиԥш иааилаҩҩит.
– Шәааи, «Ахԥатәи дхашәалоуп» ҳахәмарып! – иҳәеит
Заур ибжьы ҵарыхәҵәаӡа.
Аҿарацәа алҵит,егьырҭ наскьа-ааскьан урҭ ирыхәаԥ
шуа инагыла-аагылақәеит. Амаҟа зыблуз иақәҵан
изымӷаз аӡәы иааимӷихын, еикәшаны иаагылт. Дигәа
иԥшааит Шьыта дахьгылаз ианааиқәшәа иаразнак
абра днеирц.
Амаҟа зкыз Заур иакәын, ихашәалаз дыԥҳәызбан.
Рацәакгьы ҵуамызт лара ашкол далгеижьҭеи. Ақалақь
аҟынтә дааны Аҩӡыбжьара уарҭанык даагылан, аш
кол дҭалт. Ирҳәон лаб ҳаҭыр зқәыз аӡә иоуп, ицәа
ԥылҽуа даналага ақыҭахь «ахгара» лықәырҵеит ҳәа.
Уи еснагь ашәҭыц еиԥш лҽеилаҳәан акәын ашкол
аҿы дшаауаз, иахьа илшәыз уаҵәы илшәымызт…
Абас деилаҳәа-еилаца, зҵаҩы маҭәа харӡаақәа зшәыз
лҩызцәа аӡӷабцәа данынрылагылалак, ихьшәашәаӡа,
ируа-ирҳәо иақәымшәо маӡак рҳәоны лара илаҳар ҳәа
ишәозшәа иааҟалон. Лара лакәзар, лҟазшьа мыцхәы
ибзиан, еснагь аҩызцәа дрышьҭан, зегьы дырҟәын
ҷаблон, зегьы рыкәа дҭалон. Аха ашкол далгаанӡагь,
аҩыза бзиаҵәҟьа длымамызт…
Абар, уажәы леиԥка ҭшәа дамышьҭуа, рыкәшара
даҿуп уи. Заур дмыццакӡакәа, имаҟа еиҩырҿа, инапы
иахаргьежьуа длышьҭоуп. Лара даара дыҩыр лҭахуп,
аха леиԥка дашьҭуам… Арахь лшьаҵатәқәа… Уи шәа
гаала рацәак дыҟамызт аҟнытә еснагь зышьхәа ҳара
кыз ашьаҵа ныҟәылгон. Знык дакәшеит, аха џьаргьы
дымгылт. Амаҟа лгар лҭахызар акәхарын, аха арахь
Заургьы длымдыруаз, дицәшәон.
Дигәа уи еснагь даара ҳаҭыр лықәиҵон. Лара мыц
хәгьы дқьиан, аха шаҟаҟалалак леилаҳәашьала зе
гьы дахьрылыԥшуаз аҟнытә лыгәра рызгомызт, цас
иҟалҵозшәа днарбон. Уи ианакәызаалак ишакәым
ҷкәынак дицныҟәо, диацәажәо уаҩы имбацызт, аха
уеизгьы аӡӷаб ласы ҳәа илышьҭан.
Ус, џьара дымгылошәа аниба, диашахәҵәаӡа
адыхҳәа дналышьҭаԥалт Заур.
– Марица, быҩ!
Ларгьы ҿымҭ деиханы дцон. Дыччон дахьцоз.
– Быҩ акәымзар, сбысуеит! – ибжьы ҵарыхәҵәаӡа
иналықәиргеит Заур.
– Усыс… – лҳәеит ларгьы. Аха усгьы дышзахәоз
деиханы дцон.
Аҩӡыбжара абаа хыҽҽырақәа рҿы иҭагылан шәҭыҵ
ла дук, Дигәагь дахаанын уи. Ес-ааԥынра иҟәашкка
раӡа иақәҳауан ашәҭ. Аԥхынра акыр инаскьаанӡагь,
уахьцалак улаԥш иҵашәо игылан иара быбышӡа. Аха
наџьнатә аахыс убри аҵла шәиуеит, шәҭык ҿызхызгьы
иҵыхәтәа бзиахом ҳәа азырҳәон. Дигәа игәалашәоит
ианхәыҷқәаз, уи анышәҭлак, рыблақәа шырзаҟәымгоз.
Убасҟак иссирын. Аха иазырҳәахьоу анааргәалашәалак,
ихьамԥшӡакәа ахәацаҳәа рҿынархон. Убас есышықәса
ишәҭны, иниасны ицон. Ашьҭахь, иажәны акәу, ус из
лагылаз ахаҳәра афатә амҵәоу, иныхҩаа ицеит. Ари аԥ
ҳәызба дибацыԥхьаӡа убри аҵла ааигәалашәон Дигәа.
Уажәы лара уаҳа лыламкәа данааԥса, дышнеиуаз
даангылт.
– Усыс! – лҳәеит уи, Заур иахь даахьаҳәны.
– Быҩ!
– Усыс!
Апҟацаҳәа ашәақьҭҟьареиԥш игеит амаҟабжьы.
«Ауу» – ааилдыргеит игылазгьы. Дырҩегьых аҽыԥсахха
лымҭакәа длысит. Дигәа изааигәаӡан урҭ ахьеибарххоз.
Ибон уи лылабжышқәа ҩхаддылан лыбла ишынхгылаз,
аха усгьы сыччоит ҳәа даҿын. Заур икаиршәыз амаҟа
аашьҭылхын, аха дызмыҩт, убасҟак лжьы лцаны иҟан.
Ус ныҟәашәала лҿыналхеит. Заур рацәак дымцакәа,
адыхҳәа Шьыта лаԥхьа днагылт. Шьыта лышьҭахь игы
лаз аӡӷаб лҿаныналха, Марица уи дналыхьӡаны кьац
ҟалҵозшәа амаҟа аалҟьан, длыхәаччан иналлыркит.
Амаҟа згаз аԥҳәызба Аҩӡыбжьаратәын, аа-класск
даналга, аколнхараҿ аус луан. Мышкы шә-кьылак
ачаи бӷьы лызхомызт… Лхы шьҭацалан дцон, аха
дышԥацоз, аҽыҩ џьбареиԥш. Дзышьҭаз аҷкәынгьы
длыцәцар иҭахын, рацәак хара имгакәа дихьӡан, ама
ҟа лҟьеит. Аха иара убас иманшәалан дышьҭыԥеит,
иагьикьимырст. Уи аҷкәын дкәашаҩ бзиан. Илҟьан –
дыԥеит, еиҭалҟьан – деиҭаԥеит: Акәашараҵәҟьа да
ҿын. Аҩыџьагь ччон, иччон…
– Укәашала, укәашала! – иааибарччеит зегьы.
Уаҳагьы акы аалызмырҽеиӡакәа, амаҟа лымихын,
дкәаша-кәашо длышьҭалан иҿынеихеит. Уи ашьҭахь
гьы акраамҭа иакәшон, амаҟа ашьҭыбжь гон. Шьоу
кы-шьоукы ԥырӡон, ԥсыхәа амҭаӡакәан иакәшон,
иакәшон.
Шьытагь ҩынтә-хынтә раҟара илықәшәеит, аха
усҟак лҽадмырхалакәа, ачеиԥш дҳәырҳәыруа ааигәа
днагылон.
Дигәа иааигәара агылара анлықәшәалак, дыхҭамк
цәакәа лылаԥш дашьҭалон, аха лара дихәаԥшуамызт.
Ауаа рацәа ахьыҟоу дыԥхашьозар акәхап… Зегьы
еиԥшым.
Уи игәы иахәон ари ахәмарра. Акыр аԥсҭазаара
иалаԥшхьаз абарҭ ауаа, рхәыҷра ԥшааны, ирцәымцарц
иакәшан, ирыбжьакны иркушәа ибон... Абла аҭаԥшыр
ҭа рибамҭо.
Ус зегьы аҟырҟырҳәа ианааибарчча, даахьаԥшит.
Дҟаԥшьӡа, иӡамҩақәа кылпыпӡа, деимҿаҿо дыҩны
дааиуан уаҩ шәпа-жәпак. Акәариал еиԥш дишьҭахх
дишьҭан иара иԥҳәыс. Ԥҳәыс аса хәыҷык, дхырҩышәӡа,
дҵарыхәҵәаӡа. Лхаҵа ишимчызҵәҟьа дыҩуан, уажәыуажәы дхьаԥшны, иблақәа ҭыҵны ицозшәа иҽыҟаҵа
ны уи дылзыԥшуан.
– Иагьарааны исҳәахьазаргьы иахьа сшьа зуроуп,
аҽыҵга сымоуп, сгәы сырдароуп! – дыччо дкәалаауа уи
дишьҭан иԥҳәыс, лыбжьы хааӡа, ачча алыжжуа.
Лхаҵа иԥсгатәы иман дҳақь-ԥсықьуа дшааиуаз,
Дигәа игәышԥ ҟьаҟьа ду иҽнавеиҵәахуан еиԥш, лара
дааиқәҟьашан, иҟәаҟәа шыҟаз иҩкыдлыршааит.
– Дигәа иухьзеи абааԥсы, сахьыршьуа умбаӡои?!
– Макьана уабаҟоу, уеиҭасымԥыхьашәахара уҟоуп!
– дыччон иԥҳәыс.
– Иааг, мшәан… Алабгьы саарханы амаҟагьы бго, ус
иҟалома!
Аха уи дцахьан.
– Ани абанс дубоит, аха лнапы шҿацоу уздырам,
дҳақь-ԥсықьуа Дигәа иахь уажәы-уажәы дхьаҳәуа, «усҭ
игәыӡы» иҳәарашәа, иқьышә жәпақәа ҭырқәацәаауа,
ацәажәара даҿын ашьхааӡаҩ, – дахьыноухьысыз ибыз
бызуа иноуцралоит. Сыхәмаруашәа ҟасҵон, аха сшәа
ҵәҟьон. Џьара зинк лоуны, лнапы сылало даныҟала,
цәгьароуп, ацәтәыҩа сҭалцалоит. Заур ацәикк иоуп
уи дсықәшәартә иҟазҵа, – ихәда ажьеизыҵәарақәа
амырзакан еиԥш еихала-еихыҵуа аччара даҿын уи.
Аха Дигәа алаҿимҭуашәа аниба, иччара-мгәа акнопка
дақәыӷәӷәазшәа дааҟәыҵт.
Шаҟаҟалалак, аҵыхәтәан Дигәеи Заури еиқәшәеит.
Аҩра Дигәа иқәшәеит. Ҽыбӷаҟазаҵас имаҟа нарҟәны
икны, дишьҭахх иҿааихеит Заур. Уи иҭахымызт Заур
ицхәмарра. Џьара сгылап ҳәа игәы иааҭеикуан, «ап
ҟаца» аргеит ижәыҩшәаҟьа шыҟаз. Еиҭа, еиҭа... Аҽыԥ
сахха даламыгӡаӡакәа...
– Уас, уас, иалаӡартә иҟоуп! – ачча изнымкыло иб
жьы гон зыԥҳәыс илыцәшәоз.
Дигәа зныкыршәа даақәгьежьааит, аха Заур дҵа
рын, акраамҭа амаҟа изимымхит. Аҵыхәтәан, амаҟа
анимԥыхьашәа, иааимикәыцәт. Убасҟан иккаӡа Заур
иблақәа днарҭаԥшит.
Игәаӷс имоузеи уи абасҟак... Иблақәа ирҳәеит уи!..
Амаҟа Дигәа ианига, Заур деиҭаԥеит дицәцарц.
Дигәа ахаан ихы иадимбалацыз акы мцаны иҩаисын,
иблақәа ашәаҳаит. Али-ԥси рыбжьара уи днаихьӡан,
амаҟа иҟьеит. Иԥшуазгьы, ихәмаруазгьы ааиқәтәеит.
Ааҭынчрахеит. Дигәа ишибоз Заур дааиџьит, иԥсы
изҭымкаауа, дыҩыр дызмыҩуа, дгәаар дзымгәаауа
даақәхеит. Дигәа даанымгылакәа даҽазнык иамха
ҟьар, ахыԥҳәа иара убра днаимҵаҳауан.
Заур ииулак ичҳан, днахыԥхыԥын, амаҟа имхра
даламгакәа инаҩс игылаз аҩыџьа раԥхьа иҽааникылт.
Аха ахәмарра зықәшәаз аԥҳәызба арҵәаа ааҭлырган,
дырҳаны игылан ирыхәаԥшуаз рахь дыҩт.
– Бысҭ, бысҭ, ус ибымаз, – иҳәан, амаҟа ааирххеит
ла лахь, аха уи уаҳа дхьамԥшӡакәа, наҟ днарылашәкәа
дцеит.
Ус, Заур ишьҭахь игылаз аҷкәынгьы, дналҵны, иџьы
ба инапқәа ҭаргьежьуа иҿынеихеит. Заур ихаҭаҵәҟьа
дзымцеит. Ивараҿ игылаз аҩыџьа рахь диаст. Урҭгьы
наидҵын, ӷәара-пара рҿынархеит. Абас зегьы еимпуа
мацара, Заури Дигәеи ааизынхеит.
– Усҭ амаҟа… – иҳәан, Дигәа Заур иахь инеирххеит.
– Сара изсуҭои, изтәу иҭ! – иҳәеит уи иблақәа кам
камуа. Иԥсы илалахьан.
– Унапы ахаҵкы сцааит, иурҟамчит, – иҳәеит уи
амаҟа зтәыз имӷаҵо, – аҽазнык иуҟьар сҭахын.
– Уи – иҳәеит Дигәа, – хәмаршақәоуп...
Хәмаршақә акәзаргьы иақәнагон!
Шьыбжьаахьан. Амрагь ҩежьӡа иахькыдыз иахмыр
ҟьацәакәа иԥхон. Ажәҩан акалҭқәа рахь ԥсҭҳәа хәашь
қәак аахылан, аҽышьҭыхра иаҿын.
Ауаа неилыҵ-ааилыҵқәеит. Ана-ара гәыԥ-гәыԥла
еидгылан еицәажәон.
Ахәыҷқәа хазы иалҵны џьара ихәмаруан. Ашкол
аҩныҵҟантә иааҩуан иахьа аизара ашьҭахь иқәгыла
ран иҟаз ашкол хәыҷқәа рашәаҳәабжь.
Заур, ани зыԥҳәыс илыцәшәоз, Кәыпта ҳәа аҽыҩқәа
ирықәтәало аҷкәын уҳәа ԥыҭҩык Џьарма икәшан игы
лан. Дигәагьы уахь иҿынеихеит. Кәыпта, Дигәа дши
баз еиԥш, еснагь иикыз иҟамчы аԥҵаҵа изиацкқәа
инарыхҟьо дааидгылт. Зықә лаҟәыз ихылԥарч гьежь
ырнаан, дахьындәылҵлак ишәыз икаба кьаҿ ҟьаԥшь
шьӡа, дахьынеимаз – жәиԥшьҟа шықәса зхыҵуа ахәы
ҷы иаҟара акәын дахьыҟаз. Убри азы акәын уи даны
хәыҷыз инаркны аҽыҩқәа дызрықәдыртәозгьы. Аԥша
доуҭар дагон.
– Дигәа, сынтәа уара уҽеиқәа суҭар, аԥхьахә асыр
гон! – иҳәеит уи.
– Аҽеиқәа уажәшьҭа иазгом, иажәит.
– Ажәымҭыҽха ахьӡ асмыргоз…
– Уи ахьӡ иамоу иара иазхоит, – иҳәеит Дигәа аҵәы
аламҵакәа. – Иҟоу уи ауп, Кәыпта… Уи ианааз хар
амамызт, уара иудыруеит, аԥхьахәгьы агахьан, уахьа
хәаԥшуагьы ицәгьамызт… Уажәы ирыцҳахәха аҳәын
ҵәа наҿаҟьаны ишаԥысуа збар сҭахым…
– Уара ҩ-ҽыкгьы урзышьҭыхуам, акы акәым, –
кьакьа-кьакьа дааччеит уи. – Зеиԥш мархәацу иаасхәаз
уахәаԥши, – уи зегьы ишәнарбара шәыҟоуп, – инапы
нархханы, нахьхьи агәара зыӷәра ахаршәыз амархәац
инақәикит. Уи аԥырцәқәа, аҵыхәа – зегьы цаха ҟаԥ
шьыла иԥаны, ахәмаррахь ирго аӡӷаб хәыҷы леиԥш
еиқәышәшәа игылан.
– Уажәраанӡагь иумзар акәын, – иҳәеит Дигәа, –
уара уеиԥш аҽыбӷаҟаза… Еснагь ауаа ртәқәа рыххо
изумо…
– Уҽыбӷаҟазазар, убасгьы ҟауҵароуп, егьысгьы, –
иҳәеит уи, иҟамчы аԥҵаҵагьы апҟаҩҳәа изиацк аԥын
ҵа инаниҟьеит.Дигәа днаскьан, Заур ижәҩа инапы нықәиҵан даа
хьеирҳәит. Заур уи инапы днахан, ижәҩахыр инықәи
хит, изышьҭымхыртә ихьанҭоушәа.
– Заур, угәы иалымсааит. Уи хәмарроуп… – иҳәеит
Дигәа.
– Ухәыҷума, уара... Ахәмарра хәмарроуп!
– Усоуп, аха сара…
Заур уаҳа дхьамԥшӡакәа Џьарма дизыӡырҩуа даагылт.
– Сара абыржә сшубо сыҟоуп, уаҩ илаҿ сааиуам, –
Џьарма дцәажәон деилаҳан, – аха ақәԥараҿ аӡәгьы
дсыхәарҭамызт. Абыржә сахьыжәбахьоу сааихьеит,
макьана адгьыл уаҩы саимырбац. Уаҩабаашәа саныр
балак, исақәԥон… Рҽынасыдыршәылан. Иаразнак
ҭаршә аныҟасҵалак, уи акәхон…
– Уажәы абра игылоу иаҳиааирыда? – даарылаԥшит
Заур.
Зегьы Дигәа инаихәаԥшит.
– Иҵегь ҳанеиҵаз зегьы Дигәа дҳаиааиуан, – иҳәеит
Заур.
– Данеиҵазымкәа, уажәы дкаужьып… – иҳәеит
арԥыс наӡак, хәыҷык днарылҵызшәа дахьгылаз.
– Уи нырҳарыла иҟоу џьушьома! – иҳәеит Џьарма,
икәымжә ӡырӡ амаӷрақәа днарыха-ҩарыхо.
– Сара сықәԥаӡом… Саҟәыҵхьеит… – иҳәеит Дигәа.
– Уааи, Дигәа, ҳаиқәԥап! – иҳәеит Заур.
– Сара саҟәыҵхьеит, Заур... – аха уи игәы нханы
иҟазар ҳәа дахьшәо аҟнытә, ииура издырамызт.
Уажәыгь мап икыр, Заур игәы нханы дцар ҳәа дшәон.
Иахьа иҟалаз иара ихаразшәа акәын ишиԥхьаӡоз.
– Шәеиқәԥа, дад, шәара макьана шәхәыҷқәоуп, ҳара
аҭаҳмадцәагь ҳаҷкәынра ааҳгәалашәыршәап, – иҳәан,
игылаз днарыха-аарыхан, ақәԥара аҭыԥ ирмазеит
Џьарма.
– Уааи, Дигәа, – иҳәеит Заур дҿаԥха-ҿаччо, – ҳкаҳар,
ҳгылап, иҟаларызеи... Ахәмарра хәмарроуп.
Ас акгьы игәы иалаӡамшәа иҽаныҟаиҵа, Дигәа уаҳа
мап изымкит.
Иааибакит. Дигәа иҽыриашаӡан, уи иҽииҭеит. Заур
дахьынӡазҩеиуаз, арыҭәеиԥш инапқәа ааиԥигалан,
Дигәа ибӷаӡара дналаԥсны икит. Аха ианааибархха
қәа, инапқәа акы иакӡамкәа иааимышәшәеит. Ди
гәагьы уи аҵысхәеиԥш даашьҭихын, анышәаҟынӡа
днаган, зынӡа уа дынмыжькәа, дышьҭыхны ишьапы
дҩықәиргылт.
– Ҭаршә ҟаҵа, уара, ҭаршә! – ибжьы иргон Џьарма.
Шьоукы ааибарччеит.
Дигәа, Заур данынаихәаԥш, уи иԥшшәы ԥсахны
дыҟан.
Иабаҭахыз, зынӡа даламгаӡар акәын. Узынҟьаз аҵ
кыс, узынԥаз ҳәа. Уажәы даҟәыҵыр уи игәы нхахуеит.
Еиҭааибарххеит, аха Дигәа иҽиҟьомызт. Иҭахын ԥыҭк
ианеидхалалак, наҟ доуишьҭрац. Еиҭахаз ахьӡзааит
нас, зегьы дара рами.
Еиҭааибарххақәеит.
– Ҭаршә, ҭаршә! – ибжьы иргон Џьарма.
– Уаҟәыҵ, Заур, уаҟәыҵ... Узҿқәоузеи? – иҳәеит
игылаз рахь аӡәы..
Убри аамҭаз Дигәа дахьаахьаҳәыз Шьыта илаԥш
налықәшәеит. Уи лхы шьҭацаланы ҵаҟа акәын дахьыԥ
шуаз, икаҳауа, данкаҳауа игәы дықәыԥшырц лҭахыз
шәа. Иааицәымыӷхеит.
Наҟ иалгатәуп, иаарласны, дадызцалазеи.... Зегь иара
дышԥарылаҳауеи... Изакә қәԥароузеи, ахәыҷқәа реиԥш...
Дигәа иаахьаԥшымҭазы Заур иарӷьа шьапы хар
ҟәалан, ишимчыз Дигәа итәӷәыбжьара дыбжьаст. Иа
разнак дархәеит ахьаа бааԥс, иӷра иҭалан зҿыназхаз.
Икьатеиқәа зегьы ҳәызба ҵарыла ихдырффошәа акәын
ишибоз. Заур аҽазнык идәықәиҵахт ишьамхы. Уажәы
Дигәа иҽырхәан дахьыҟаз азы уи еиҳагьы иманшәалан
иқәшәеит.
Дымтәар ада ԥсыхәа имамызт, аха ичҳаны дышь
ҭыхны дсыршәып игәахәуан еиԥш, агәырқьҳәа аччабжь
ааҭҟьеит.
Ихы шьҭыхны даныԥшы, ибеит иччоз рхы-рҿқәа.
Шьытагьы! Убригь дыччон, иара ихьыз, дымкаҳар ада
ԥсыхәа ахьимам дахыччон. Уи имбо дыҟазар ибаргәыз,
ибла аҵәеиԥш иҭамсуа, насгьы еилимкаауа, лыччаԥшь
егьизаҵымбаауа!..
Ари ҟалеит али-ԥси рыбжьара. Уи илшон иақәԥоз
даанкылан, ицнапык ала диршәыр, аха еиҳагьы дыч
чархәхар ҟалон.
Икаҳаз, икамҳаз, иаҵахаз, ииааиз – зегьы дара
ракәӡами...
Дааилышшеит. Заур аҽазнык иҩеигӡеит ишьамхы,
Дигәагьы иԥсы изҭымкаауа дааизҟәыҿит. Дахьыԥш
уаз ибон зыхқәа хыршәҭны макьана иччоз.
Ахаԥыцқәа, ахаԥыцқәа, абҩаш хаԥыцқәа, аџьаз ха
ԥыцқәа, ахьы хаԥыцқәа, иҟәаш-ҟәашӡа иҟаз...
Шьытагь! Шьытагь! Шьытагь!..
– Аа, уара! Абриоуп сара ҭаршә ҳәа сзышьҭоу!.. –
дыччон Џьарма, иԥаҵа ԥшӡақәа уажәы-уажәы иқәҳәо.
Дигәа ихьаа иӷра иҭалан ицон ҳәызбаҵарыла икьа
теиқәа ԥырффо. Ус иҽырхәан дтәан, ихьаа дазыԥшны.
Иаԥхьа, ишьҭахь – уаҩ дыҟаӡамшәа акәын деизҟәыҿы
дыштәаз.
Аччара иаҿыз инарыха-ҩарыхан Заур иааидгылт,
арԥыс наӡа дназлаз ҷкәынцәақәак. Урҭ ччомызт.
– Ақәԥашьа удыруазар ус акәым, џьым!.. – рҳәеит урҭ.
– Ҩыџьа еиқәԥар, аӡә дкаҳауеит, – иҳәеит Џьарма,
ҳаҭыр ақәҵан дыччо, – уи ҭаршәоуп. Ҭаршә ус адыруеит!
– Ҩ-ҽадак еиԥхныҩлар, ак аԥхьа иҩеиуеит! – иҳәеит
уаҩ ԥагьак дыҽхырччо.
– Уара, Дигәа, ус ишакәым укаҳама?! – дҵааит Заур.
Уи иқьышә дацҳауа иҽникылон акәымзар, ачча ԥсцаха
имҭакәа дакын.
– Уара иуздыррым дышкаҳаз! – рҳәеит урҭ аҷ
кәынцәа.
– Амилициа рҿы саныҟаз маана гәарҭак сдырҵа
хьан, акаҟара иаармариашәа иҟасҵеит, – иҳәеит Заур,
– иҟалазеи митәыс... Дкасыжьзар?..
– Дкаумыжькәа, Дигәа уара дкаужьуеит...
– ... узыҿаҟәом!
Дигәа иҟынӡа урҭ ирҳәоз быжьрабжьҵәантә игоз
шәа акәын ишнеиҩуаз, насгьы ус иаҳауан акәымзар,
рҵакы дазхәыцуамызт. Мчыла деиханы дҩагылт.
Уи иҽирӷәӷәаҵәҟьар, инмырԥшыкәа дрылҵуан, аха
убригь дазхәыцӡомызт, иҽанириашалак икьатеиқәа
руакы егьырҭ ирылжәан дахозшәа ихьуан. Иҽырхәан
дшыҟаз, деиҵакы-еиҵакуа, ауаа днарылс-аарылсуа
иҿынеихеит.
Акыр днаскьаанӡагьы иаҳауан абжьқәа, иара изы
ҳәа уажәы ҵакы змамыз.
– Уааи, усҟак ухаҵазар, сара усақәԥа! – ибжьы гон
аӡәы, игәы нхаӡаны.
– Уаҳа ауаа ахьыхәмаруа шәымбаӡаци, уара? Дкы
лымҵәеит. Иареи сареи ҳаиҩызцәоуп, ҳаибабап! –
ибжьы гон Заур.
– О, уара, ҭаршә убас адыруеит, ҭаршә! – ибжьы гон
Џьарма.
Анцәа иџьшьоуп иара аӡәгьы дахьишьҭамлаз...
Дижьжьарц.
Ауаа реилачра дҩалҵын, ашкол ашьҭахь ала ах
ҵысҭа дыҩхыҵын, урҭ ршыкьыбжьгьы, реизарагь,
рашәаҳәабжьгьы, рыччарагь ныжьны, ихы ахьынахаз
иҿынеихеит.Шьасиа, уаҳа даанымгылакәа, дныҵышьшь дцеит.
Дакәшан аҳандақьаҿ днеин, аилаҳәара ахьылҵәахыз
илыԥшаан, мҩахәасҭагьы зылгамыз аккара лҽалҭеит.
Акраамҭа дцон ус, ихҩаԥшьааӡа игылаз ахьацақәа,
аџьқәа дрыҵсны. Урҭ ирыҵиаан иҟаз адыӷаџьақәа,
амыӷқәа аалыцрыхо, лкапрон калԥадқәа рыблақәа
ҭжәо, лшьаргәацәқәа ирылакьакьон. Ана-ара, абнара
кылжәан амра ахьаауаз данақәшәалак, аҳаԥы лашьца
дааҵыҵызшәа, лыбла хнакуан. Нас дырҩегьых ацәаа
кыра зҵашьшьы иҟаз аккара дныҵалахуан. Џьараџьара, ахыкәшарҭа амамкәа, аарҩарагьы иазҭмырҩааз
абааррақәа дрықәшәон, аха акгьы агәхьаа мкыкәа,
урҭ ирҭиаан иҟаз апҟыз рҽны днықәгыло, ҳасаб ушәа
дрылсуан.
Абас амыӷ дафан, аҳәынҵәа лышьклатата, абнара
дахьнылшәаз, «оуффф-оуфф» ҳәа Уаамыр ақәыԥсыч
ҳабжь аалԥаҳалеит. Амра хыԥхало дынхыԥшылт.
Аԥшаҳәахьы данкылс, даангылан даанаԥшы-ааԥшит.
Аха ара уажәааны акәым, аԥхынгьы аҽыкәабараз уаҩы
иҿархасырҭамызт. Дынҭалан, аҟәарахьы дылбааит.
Илкыз леилаҳәара лаԥхьа ахаҳә шкәакәа инықәылҵан,
даагылт. Уи ахыртлара лзыгәаӷьуамызт. Иара ИХАҬА
имаҭәақәа ылаҳәазар ҳәа гәҩарас илыман...
Лаԥхьаҟа ԥаҩ ҿҟьаран, илашьҭын, хыхь цәеихаҿык
аҟара анышә ықәын акәымзар, егьи зегьы уаҳа лаԥса
амаӡамкәа аӡаҟынӡа сыпран илбааган. Абри асыпра
аҵаҟа аӡыжь дуқәа, аӡеилашырақәа ҟаҵаны иаман.
Уажәы аӡы акыр ишагызгьы икеикеиуа ишыцқьаз
гьы, урҭ аӡыжьқәа рыҵа ааимҟьангьы џьара иубомызт.
Иҵамҵамуа ҵаҟантәи аӡеилагьежьрақәа хашыло,
уахьхыԥшылозгьы уаашәарын.
Шьасиа дахаануп абри аӡыжь егьызеиӷьым аҷ
кәын данашьыз. Ара аӡы шыбааԥсыз рдыруан аҟынтә,
ахәыҷқәа ҽыкәабараҳәа инарышьҭуамызт, аха уи ихы
дақәгәыӷны, аҩны зҭоургылар изҭымыҳәҳәо аӡыжь
данынхәыҵҵәры, аҵа иамаз аӡеилагьежьыра даашь
ҭнаԥаан, асып ыҵжаан иахьыҟаз дынцәыҵанагалан,
имч мырхакәа дашьит.
Уажә еиԥш илгәалашәоит, иҵагь иҳараку нырцәтәи
аԥаҩ ихықәыхх иқәгылаз аҭәа-ҵла хаурақәа руакы
ԥҟаны, ацҳаҵәры хданы иԥсы аӡы ианҭыргоз. Ааԥыни
аԥхыни реилыҵымҭазыҵәҟьа акәын. Аҵла ацәа џьара
ирсалан узахар, иҟьантазӡа алаҳарҭеиԥш иҩыхыҵә
раа ицон. Убри ацҳаҵәыргьы ацәа ахҳәаны, иара аԥсы
иеиԥш иҟәашккараӡа, еиҳа аԥаҩқәа ахьеизааигәаз
нырцә-аарцә иқәын. Иқәцәны, ауаҩ ишьапы акыртә,

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҽыкәаҳа - 08
- Büleklär
- Аҽыкәаҳа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3661Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3688Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3644Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3664Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3657Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3617Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3674Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3732Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3708Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3715Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3632Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3748Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3786Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3716Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3638Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3621Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3686Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3072Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.