Latin

Аҽыкәаҳа - 06

Süzlärneñ gomumi sanı 3617
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2382
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
иикыз ақьаад-жәпа ааникылт.
– Ари ҿаԥараӡам, ӷбоуп. Искугьы хара иузырбо ла­
нар­ԥшы­гоуп. Сара скапитануп, бара – аӷба аекипаж…
Иаҳ­ҳәап, жәаҩаҩык быҟоуп…
– Сара аӡә соупе? – дҵаауеит лара.
– Аӡәы ихала аӷба дабамаҭәахәу… Жәаҩаҩык аҭа­
хуп… Жәаҩаҩык быҟоуп…
– Аӡә соупе… – дыччон лара. Убриаҟара лгәы иа­
хәон, ажәҩан ахь дзықәломызт, уаҳа лыгмызт.
– Акапитан ииҳәо ацҳәа рҳәом, шәҭыԥқәа нышәкыл!
– ибжьы иргоит иара. – Сара исҳәо шәазыӡырҩла!
Уажәы ӡы-бжьахалак ҳабжьысуеит. Убра ишәарҭоуп,
иҟалоит иҳақә­лар. Ма ҳаԥсыроуп, ма ираҳамҭароуп!
– Изакәызеи уи?
– Абри ашәындыҟәра игылоу иҭоуп абираҟ… Уи
абираҟ иашьҭақәоу рацәаҩуп. Избанзар, абираҟ аду­
неиаҿ зегьы ириааиуа адоуҳа амоуп!
– Иалшозеи уи?

– Уи иахьҭоу иҭганы уанҩаха, уара иуаӷоу зегьы
уаԥ­хьа ишьамхышгылоит…
– Ус акәзар, ҳзыцәшәозеи?!
– Уи амч анамоу, иахьахәҭоу аҭыԥ аҟынӡа иан­
ноугалак ауп.
– Шәгәы шәҽаныз, абар, абар! – ибжьы ргәаҩан ир­
гоит уи. Лара дшәазшәа ашәындыҟәра даватәоит…
Нас дыччо аҟәардә даалбааԥоит иара.
– Аиашаз, ашәындыҟәра иҭоуп адоуҳа мчы змоу
абираҟ, ибсырбап!
– Исырба!
Ашәындыҟәра ааиртын, каба ҟаԥшьык ааҭигеит.
Ҩы­­џьара икылблаа-кылблааны иҟан. Урҭ х-ҭыԥқәан.
Иаб икаба акәын уи…
Шьасиа лҩымсаг нкалыршәын, ашьшьыҳәа ашәын­
дыҟәра ааихлырԥеит. Ичаԥаны иҟаз уи ахҩа хьанҭан.
Иаа­д­мыр­тижь­ҭеи шаҟа ҵуаз уара идыр, аԥакәи фҩы
ҭҟьа ицон.
Аиашаз, ашәындыҟәра иҭоуп адоуҳа мчы змоу аби­
раҟ… Аиашаз!
Бамбажәқәак, маҭәажәқәак еилаџьгәаны, аԥакәи
рықә­­ҟанҵан иҭан.
«…Ачыс азы иҳахәоит. Уи ԥыҭк акып ҳәа сыҟоуп»
Ԥыҭк акып ҳәа дыҟоуп…
Ажәжәаҳәа амаҭәақәа еимырттаауа дышнеиуаз, лы­
лаԥш нақәшәеит аԥакәи зқәлахьаз акаба.
Аиашаз, ашәындыҟәра иҭоуп уи адоуҳа мчы змоу…
Ииашан, ииашан, ииашан…
Дҩахан амаҭәажәқәа иаарыҵылхит, аха кабак аҵ­
кыс ихьанҭан. Лнапы анаақәлырӷәӷәа, қьаадҵас акы
кьакьаӡа иагәылазшәа лбеит.

Хыма-ԥсыма ашәындыҟәра иҭаз амаҭәажәқәа ина­
ры­лаҳәан иаашьҭылхт. Лҩымсаг нарыхҩашәа илы­ман
ашьҭахьала дындәылҵит. Дахьындәылҵыз дааҭ­гылт:
зегьын­џьара ауаа пылы-пылуа иқәжьын.
Иаразнак ла лахь ихьаҳәит. Илыдырбалазеи, мшәан?!
Ашә лыҽладлырӷәӷәалт, лышьҭахьҟа дхынҳәырц
акгьы аалыгымхеит, аха лгәы ааԥсахны цқьа днаԥшит.
Лыбла да­жьеит акәымзар, лара аӡәгьы дгәеимҭаӡеит,
аӡәи-ҩыџьеи налыхәаԥшызаргь нас инхьаҳәит.
Знык абра рыжәпара дзалсыр, нас ахшьыра лҽалҭон.
Уа џьара илҵәахрын.

Ашырҳәа дналбаан, дыццакы-ццакуа ауаа игылаз
хара-хара дырхыкәша лҿыналхеит. Ажәақәакгьы на­
лышьҭар­ҵеит, аха лхы шьҭацалан илмаҳаӡазшәа дна­
рывсын, еиц­рыхәхәа ажра иқәеиҭаҳаз арасақәа да­
нынарыбжьыс, лыԥсы аалгеит.
Уажәшьҭа уаҳа аӡәгьы дыҟам ҳәа лгәы аарҭынчны,
аҵ­лашьапқәа днарывс-аарывсуа днеиуан ус. Зынӡа
лгәалҽанӡамкәа ҵлак ашьапы дахьнавшәаз, шьоукы
ршьапқәа лаԥхьаҵәҟьа илбеит, ашырҳәа даагылан лхы
ҩышьҭылхит. Аџыр иԥеиҳаб Леиуа иакәын аӡәы, егьи
– дыԥҳәыз­бан, ҽырбаҩӡак, лӡара шааихҵәара, ҵкы
ԥшӡаӡак лышәны. Лхы-лҿгьы даара ирхиан, аха усгьы
лсахьа бзиан. Уи рацәакгьы усыс илымкит Шьасиа
дахьынарҿаҳаз, аха Леуа дгачамкны даанхеит.
«Ари агәам-чам ибго ашәындыҟәра ианҭыбгоз убра
иҭаз бымбаӡеи… Џьара рыцҳарак ҳмыхьааит, егьырҭ
иры­лакны ишәымблааит уи!» – абас ааиҿыҵҟьар?!
Ларгьы зынӡаск дҳәалахеите. Анахьгьы дызры­вым­
суа, арахьгьы дызрывымсуа…

Ҩбаҟа минуҭ ракәын ус дахьынӡагылаз, аха сааҭк
цазшәа лбеит.
– Шьасиа! – иҳәеит Леиуа аҵыхәтәан, – агәам шԥа­
бдыргои… Иҟазҵо маҷушәа, илыхьзеи сан?!. Нас­
гьы бара ацхыраараз акәызма, асасцәа анааиуа бры­
цааиртә акәын ишбаҳәатәыз…
– Ишԥашәҳәо… Сасра ссасума, ацхыраараз смаакәа…
«Уи рылакны ибымблааит!..» – иҳәоит уажәы…
– Ааит, Саса насыԥцәгьа иоуп уи зцәеилагаз, цхы­
раароуп анырҳәа, зегьы еилагәаны иреиҳәеит…
– Мшәан, уи усҟак изхьаагатәузеи… Уаҳа исылоузеи,
сабашәыхәо… Џьара ҟьамсаркгьы сзымгозар… – дна­
рыхәаԥшын ԥыҭк днаскьеит, – агәам шәҿакны сгылоуп
сар­гьы…
«Убри агәам иалакны…» – иҳәар?.. Иҳәа ибз…
– Шьасиа, бысзымдырырц акаасыгымхеит! Быш­
ԥаҟоу? – лҳәеит аԥҳәызба ҽырба-ҽырба дааччан, – еи­
бабароуп иҟоу.
– Сыҟоуп ус, бара бышԥаҟоу?..
– Исыбаргәузеи, – лҳәеит уи дырҩегьых ҽырбаҽырба дааччан, – ибгәалашәауоу зны аурок аҟынтәи
ҳандәылыр­цаз?
– Аа… Аиеи, аиеи, исгәаламшәо…
– Ихьӡ схамышҭи… – лқьышә лхаԥыц нақәыргылан
даа­хәыц-хәыцит… – амшын ахьӡ зхашҭыз иеиԥш…
Ау­рок издырамызт, иҵаҳәара саналага, сара быс­хыр­
ҟьаны баргьы бдәылырцеит…
– Исгәаламшәо, исгәаламшәа…
– Шьасиа, абри аладахьы игылоу аҵла ашьапаҿы
иблы, хара изыбгозеи?...
– Иҟалома… Аҩны ааҵраҿ. Наҟ иласкьазымгои…
Иаразнак днарыдҟьан, дыццакы-ццакуа ахшьыра
дыҩ­ҭалт, нас ҩбаҟа ҵла ршьапқәа днарывсын, урҭ иа­
хьырбар­ҭамыз ақәаҵа лҽалҭеит.

Макьана ашьац иаҵәаӡа изҵашьшьы иҟаз ақәаҵа
ды­ҵалан акраамҭа дылбаауан. Дхьаԥшит, днаԥшыааԥшит аӡәыр сибозар ҳәа, аха аӡәгьы дыҟамызт, хы­
хьынтәи ауаа ршыкьыбжьы ааҩуамызт, ҭынчран.
Дышиашаз аҳандақь аҿы днеин, амаҭәажәқәа на­
рылхны, ИАРА аҳандақь иныларшьшьны илҵәахит.
Деиҭанаԥшы-ааԥшит, аха џьаргьы доуԥсы дыҟамызт.
Егьырҭ инхаз амаҭәажәқәа: харԥыжәқәак, ҵкыжәқәак,
гәабанк инҭырххьаз абамба, арысгақәа алатата, хәыцхәыц дрылаԥшуа дна­рылалт. Дрылаԥшаауа дышнеи­
уаз, конвертк лбеит. Уи ҩе­жьхахьан, акры ахыҵуан.
Иаарҳәны даннахәаԥш, мша­ҽнеи­ԥш аҩыра алпыҟҟа
Аџыр ихьӡала иҩын… Иахьынтәааз адрес зынӡак
иан­ӡамызт. Убригь хыма-ԥсыма инаган аилаҳәара
ахьылҵәахыз инавҵалыџьгәеит. Амаҭәажәқәа аашь­
ҭыхны, ақәаҵа егьи акәакь ахь дцан, цәԥырак аҿы ам­
ца нацралҵан илблит.
Дхынҳәит, лхы надырбаны џьара еигеимцарак
анааҟа­ла, дныҵашьшьы дцарц.
Уажәшьҭа уи аӡбахә аӡәы иҳәаргьы, илзымдыркәа
зе­гьы еилакны илбеит.
Аха ИАРА ипатреҭ, ма иаб ипатреҭк џьара машәыр­
шақәгьы икыдны илымбеит.
Ашьҭахь деиҭанхала, асасцәа ҳәа иаахьаз уаҩы
длым­беит.
Ашкол ахь, аизарахь ицазар акәхап…
Аҿаԥара зыԥссоз рахьтә ҩыџьа аӡӷабцәа ашәын­
дыҟә­ра ӡәӡәа-иҳәҳәа, аҩныҵҟа ақьаад ҭырҟьон.
– Сара сахьцаз сынхацәеит… – лҳәеит Шьасиа убарҭ
днарыдгылан.
– Зегьы ҟаҵоуп, уажәы абри ҳаалаган, аҭыԥ аҟны
ина­ҳаргылар, нас ҳҭынчуп, – лҳәеит руаӡәы.
– Ашҭа аԥссара жәаҩык аҳәса аҿуп, макьана абжагь
ҟарымҵац, рҿи-рнапи еиқәԥсаны игылоуп, – лҳәеит

егьи, – уахь бымцааит, Шьасиа, анахь аҿаԥарахь быҩ­
нал… Ҳара ҳахәҭаа ҟаҳҵеит!
Шьасиа дааччан, ашьҭахьтәи амардуан дыҩкы­
длеит.
Арҭ аӡӷабцәа қәыԥшцәеи лареи еибадыруеит, ишы­
лбоз ирызҳаит, аха урҭ рҿы тәымуаҩык диеиԥшын
лара. Макьана зыԥсҭазаара шцәалоу иҟоу аӡӷабцәеи
ла­ра зызыбжак ца­хьоу аԥҳәызбеи уаҳагь ишԥаҟалоз.
Аҿаԥара ашә ашьшьыҳәа иаартны даныныҩнала,
даан­­гылт. Уа егьырҭ иаанхаз аӡӷабцәа акәакь икҿа­гыла­
ны, еим­даны аҭацара руан. Урҭ ԥшьҩык ыҟан. Руаӡәы
днеи­ны, напы ԥшқала лкасы дҩахан, уи лҿы аахылтуан.
Иџьоушьаша, ихәмарынгьы убри аҭацара зҽазыз­
кыз, аҽакала иҟалоит. Ихәыҵԥхо, ргылашьа, рнеи-ааи­
шьа. Рнап ҟьашьа – зегьы ԥшӡахоит, игәыкхоит.
Зегьы знык-знык аҭацара аныру, еиҭарҿыцны иала­
геит… Уажәы, «амаҳәи» «аҭацеи» реиқәшәара. Аҭаца
данаа­рг­ алак ашьҭахь, раԥхьа лара лҿы даннеиуа. Аӡ­
ӷаб­цәа руа­ӡәы маҳәҵас дааҩналон.
– Бзеила баабеит, – «аҭаца», лнапы аалымихуан
«амаҳә». «Иара» ашьшьы-шьшьыҳәа дшәошәа лкасы
дҩахон. «Аҭаца» лыбла дҩахон. Иџьоушьарыз, изакә
мцаз ир­хыҳәҳәыла иҟаз убри аамҭаз. Убри аминуҭ
азы урҭ раԥ­хьа ирбозар акәхарын бзиа ирбо арԥарцәа.
Иҟата-ҟа­таӡа, итар-таруа, раԥхьа иааиуан, рнапы
ркуан. Ара иҟамызт азҵаара, ара иҟамызт аҭак. Акы
акәын урҭ ҿымҭ еибырҳәоз, «бзиа узбоит», «бзиа
бызбоит». Ԥсраҽнынӡа! Иҟалоит урҭ аҷкәынцәа уа­
жәы абра ааигәа иҟазар, иҟалоит – иҵегь инахаран,
аха рыԥсқәа ҭаны, адгьыл иқәны, ршьа-рда абзиара
иазхьуаны.

Аӡӷабцәа Шьасиа дангәарҭа иааԥхашьақәан, аха
лар­гьы дааныркылан, акасы налхаршәны днык­ҿадыр­
гылт. Итатаӡа, иҟәымшәышәӡа иҟан уи акасы.
– Бзеила баабеит! – даалыдгылан лнапы аалымихит
«иара». Инапы татаӡа, ицаҳәцаҳәуа иҟан. Уи ашьшьыҳәа
лка­сы дҩахан лҿы аахитит…
Шьасиа лаԥхьа дгылан «амаҳә», ԥҳәызба еиқәакы,
лыб­лақәа хааӡа. Дгылан дгачамкны.
– Шьасиа… – лҳәеит уи, – Шьасиа… Абасҵәҟьа быԥ­
ш­ӡоуп ҳәа сыҟамызт… – Уи минуҭқәак лсаса лана­хан
дгылан. Аха Шьасиа уаҩ дылбомызт… Аӡәгьы дыл­
бомызт… Акасы анылхаршәыз, лыбла анхылҩа уи
ихаҭаҵәҟьа лаԥхьа дгы­лоу­шәа дылбеит…
Ашырҳәа акасы аалхылхын, наҟ аӡӷабцәа инарыҭан,
аԥенџьыр лаҟә хәыҷы днадгылт. Нахьхьиӡа, аԥсарақәа
иры­лыҳәҳәо ашьхацәҳәы акаҵәарақәа лылаԥш на­
рықә­­шәеит. Лара иахьынӡалбоз сыԥса цәынхакгьы
ҟәашӡа џьара ирықәыршәымызт…
II
Уа сынтәа сы амуӡац. Мзаҩала ииасыз аԥхынра иа­
геит асыԥсақәа. Ахьҭа амцеиԥш иаблит ашәҭ зқәыжьыз
аҳас­кьын. Иҭҩааит арҩашшьҭақәа.
Ргәы кыдбоит ацаҟьа ҩашрақәа: «Уу-уу» – иууеит аԥ­
ша­ҩа. «Уу-уу» – игәынқьуеит ахрақәа. Аԥша ирзаанагоит
ры­н­­хыҵҟа џьара арҩашқәа ахьылбаауа рыбжьы. Урҭ
анаҟәоу зқәу ахрақәа рҟынтәи илбааҟьоит. «Уу-уу» –
аҳәоит аԥша, «уу-уу» – идырӷызуеит ахрақәа, анаҟәоу
зқәу рҩыз­цәа иреиԥхыӡуа…
Убарҭ ашьхақәа рынхыҵ, уи анаҟәоу иаҵырҩны
илбааҽ­ҽо арҩаш ахықәан ахаҳә ду иқәгылоуп ԥслаҳә
ԥшӡакы, аи­қәара аахыҩло. Азқәа аххьа еиԥш еилыԥхо
ақәырҳәы ықә­дан. Аханыҵәҟьа икыду амра аԥхарра азқәа

аҭан аҽар­ԥхоит. Ахаҳә иакәшан аҿеҩ-сеҩҳәа еиқәԥоит
ақәасабқәа. Урҭ зегьы хыхь зыблақәа ҭыԥхаауа иқәгылоу
аԥслаҳә ԥшӡа иашьҭоуп. Ақәасабқәа еисуеит, аҟамақәа
реиԥш еиҿарык­шоит ртәыҩа ӷәӷәақәа. Аҿеҩ-аҿеҩ­
ҳәа абахәқәа ирныҩ­уеит урҭ реисыбжь. Аԥслаҳә хыхь
иқәгылоуп имқәацаӡо, анцәа иҳәарц ацәашьқәа аркны
иакушәа, атәыҩа бырлаш­қәа шьҭыхны. «Уу-уу» – иууеит
аԥша. «Уу-уу» – игәынқьуеит ашьхақәа. Аха абзиабараз
ақәԥара абжьы уи иаҵамӡыкәа ицоит. Ицоит ахрақәа
аҽрыҭан, арҩашқәа ирҭаӡсан.
Ус, ашьхақәа џьара еиҟәжәазшәа, бжьыцәгьак ахрақәа
ааимнарҟьеит. Убри инашьҭарххны иааҭынчрахеит.
Аҭынч­ра «ҵу-уу» ҳәа ахаҳәқәаҵәҟьа кылнаҵәоит. Аам­
ҭа ааҭ­гылазшәа… Аԥслаҳә ааҭрыст, абла ԥшӡақәа
ҳәҳәеит, аха иара акгьы азымҳәакәа иааизҟәыҿын, ахаҳә
изықәгы­лаз ашьа ҩахьыршны инамҵаҳаит. Аҽааиҵнахт.
Ақәасабқәа аисра иаҟәыҵын, иӡыҩ-ӡыҩӡа иаагылт…
Аамҭеи ахара­реи ириааины, ираԥысны, ахыкәалаа аԥс­
ра аанагеит. Аб­зиа­бареи аԥсреи! Аԥсреи абзиабареи!..
Изышьҭоу, бзиа ирбо аԥслаҳә анҭахалак, ақәасабқәа
уи иаԥырҵны акраамҭа џьаргьы ицаӡом… Урҭ рзыҳәа ус­
ҟан иҟаӡам ашәара, аԥсра… Иакәшан иахагылоуп аԥс­лаҳә
агәы ҵыблаа иахьышьҭоу. Игылоуп, игылоуп, игылоуп.
Шьыб­жьаарахьы ихалахьоу амрагьы уи ашьа иахьшу кәеицеиуа иҟанаҵоит. Ашәахәақәа иԥсхьоу аблақәа инархна­
шьылоит. Ашәарыцаҩгьы абахә даҿагылан дааиуа, дааи­
уа, дааигәаӡахеит. Убригь дгачамкны ақәасабқәа дры­
хәаԥ­шуеит. Иаргьы дгәарҭеит, аха иҵысӡом. Игыла,
игыла, аҭ­ҳарцә-сырцәҳәа рыхқәа ҩышьҭырхуеит, ацәа
иалҵызшәа. Ицарц рҽаадырхиан аамҭаз, дырҩе­гьых
ашәақь ҭҟьеит. Ақәасабқәа иреиӷьыз акы уа аҽааи­
ҵнахит. Ахрақәагьы ҩны­ҵәаашеит ахы зықәшәаз дара
ра­кәызшәа. Ашьҭахьгьы ԥыҭрак ахысыбжь еимырҟьо
иӷыз­уан урҭ…

Егьырҭ ақәасабқәа ишьҭыԥа-шьҭыԥо ӷәара-пара
рҿы­нар­хеит. Ари аҩыза иалаԥшны, ҳаԥсы ахьаагараҳәа
измыҩ­зар акәхап. Урҭ цеит. Ицеит аҽаџьара рыбзиаба­
ра рыԥ­шаарц. Араҟа инхеит аԥслаҳәи ақәасаби… Нас,
аԥш­қа аԥс­лаҳә ԥышӡа ацәа иалашәаран иҟаз… Аха егьырҭ
цеит урҭ рыбзиабара иашәаџьҳәацәан…
«Уу-уу» – иаапкны иқәуп аԥшаҩа, «уу-уу» – игәынқь­
уеит згәы кыдбаз акаҵәара ласкьақәа.
Ихьшәашәаӡа асы анбаҳақәҳауеишь ҳәа ажәҩан иа­
ҵаԥ­шуа…Басиаҭ агәашә аартны ашҭа данынҭала, амӡырха­ҿы
шьоукы илаԥш нарықәшәеит. Ари амчыбжьык, шама­
ха, мҩасҩык иакәымзар, аӡәгьы дидымҵаалацызт.
Аҽаӡә иакәым, лара Шьасиагьы.
Уажәы убри аҩыза аамҭан. Ес-уажәааны усоуп. Ауа­
ҩы акраниуа, ауаа рбарагьы дахьӡоит, иутәгьы дахь­
ӡоит. Ан­хаҩы инапы акгьы ианалакым, уамашәақәа
ди­бон Басиаҭ. Убри азы бзиа ибацәомызт абри аам­
ҭа. Иҭаргалашаз анҭаргала, адәы ианықәҵ, мчыб­
жьык ҩымчыбжьа ус џьара акы нышьҭыхны инышь­
ҭарымҵозар, аҽакы рнап аналакым­ха, аԥхарра зыл­
сыз алаҳәарҵарақәа реиԥш, иҩышьны идәы­қәыз ра­
цәаҩын.
– Бзиала шәаабеит, дадраа! – иҳәан, ихылԥа ааихых­
ны днареихырхәеит Басиаҭ.
– Уа, бзиа убеит!
Руаӡәы инапы кылдан, ижәҩахыр иахшьын афым­
ца мҩа­нг­ ага ҭелқәа ырша-ыршан. Агәашә анҭыҵгьы
столбқәак ҿыц-ҿыцӡа ишьҭан.
Ианбагьахьӡеи! Ахәыҷқәеи иареи кыр еидхалазаап.
– Уҟаӡамкәа уашҭа ҳҭалт! – иҳәеит аҭел ршақәа
зыжә­­ҩахыр иахшьыз аҷкәын наӡа-ааӡа.

– Иауазеи, дад, Сунар, шәҭамлакәа, шәара шәҩыз­
цәа агымхааит сашҭа!
– Иагымхааит! Ҳхы удҳарҽхәалоит, избанзар ала­
шара ҳаман уашҭа ҳҭалоит. Алашара агәырӷьара ац­
ми!.. – иҳәеит Сунар, ибла разқәа еихаччо.
– Ҳаи, шәхы шәгәы лашааит, дад, сышәмыркьаҭози
уи сзыҟашәҵар... Сыла-сҿы ҭакәаҳа аҩныжә сыҩноуп.
Ҭаҳ­мадажәк, уаҩы симбаӡакәа сыԥсуазаргь, лашарак
абла сынҭаԥшуа сынарцәымҩа сықәымларыз. Исыр­
цәаӡомызт знык исоур...
– Аԥсра аӡбахә уҳәартә анцәа уҟаимҵааит.
– Ее, дад, са сыԥсра ԥсроума уажәшьҭа, ақьаԥҭажә
сыххалт акәымзар...
– Уаха алашара ауркыртә иҟаҳҵоит!
– Иахьа амҽышаха, шәхы зыхшәырҟьозеи, дад, нас­
гьы еизарак ыҟоушәа... Шәымцои, шәыҷ­кәын­цәами...
– Аизарагьы бзиоуп, аха амш бзианаҵ, ԥыҭк ҳҽаҳ­
шәар ҳҭахуп... Есымша ҳара амш бзиа ҳазҭода?!
– Анцәа шәыԥсынҵры ҟаиҵааит. Дад, иҟалозар
ҭаҳма­дак сгәы аашәырҿыха, рацәак шәныскылаӡом…
Аха шшәы­мам збоит. Аҿалачара ду, ахҭыгәлаҩ иҿы
мырҵысыкәа ддәы­қәуҵар, иҿоумҵаз егькәуахоит.
– Иҭабуп! Ҳус ҳаналгалак, алашара наркны ҳнатәап,
иагьаҳфап, иагьаҳжәып, – иҳәеит Сунар.
– Ҳаи, дад, ус сзыжәымундаз…
– Алашара ахьыҟам аҩы зҭоу аҵәца аҵа убаӡом,
иноу­ҿокуеит, аха инымҵәаӡар? – дааччеит Сунар
ицыз, иара иаҵкыс иҟатаз аҷкәын.
– Сара иԥсыша, зынӡа иуҿоукӡом, – днаиахәмарт
Сунар, – аҩы агьама хәыҷык ишамо ануба, уагаӡозаргь
инужьуам.
– Ҳалалс иауааит, дад, аҩы изыжәуазар ами абзиа.
– Ииӡбақәо убауоу, ииӡбақәо… Ҵа змаӡам аҵәца, –
диахәмаруан Сунар иҩыза, – зегьы рзы афы даҩызоуп,

акәымзар… Арахь илбааган имазар цәгьа ибом… Абарҭ
афымца лампақәа ирҭарҭәо ҩызҭгьы…
Аҷкәын дыччон.
– Шәеигымхааит, дад.
– Басиаҭ, уара уҿы ҷыдала заагьы иҟаҳҵон, аха арҭ
ҳаи­ҳабырақәа рахьтә шьоукы шыҟоу умдыруеи... Дара
рыҩнқәа рҟынӡа алашара аннарга, ррадиоқәа акка­
ҳәа ашәа анааҭдырҟьа, егьырҭ усыс измадаз... Ама­
ҭәахә ҳмо­уит, астолбқәаҵәҟьа злааго амашьына ҳзыԥ­
шаауам… – иҳәеит Сунар.
– Ааи шьҭа, – даақәыԥсычҳаит Басиаҭ, – аԥсҭазаара
ҟабаӡыба агхаӡом... Ухы уахамшәалозар, ма уҩны утәа,
ианамуӡах...
– Иахьагьы Аџыр кампаниак имоуп, машьынак уб­
рахь ирышьҭит. Аџыргьы Аџыр иоуп, аха арахь ушы­
ҟоугьы удыр­уазар ами...
– Ҳцалап уажәшьҭа!
– Бзеилаҳәа шәасҳәаӡом, дад, сышәзыԥшуп.
Урҭ агәашә аҟынӡа инаскьеигеит Басиаҭ.
Арҭ аҷкәынцәа иара иҿы иааиуазар, рхәы ҟаҵатәуп
ибзиан.
Убысҟаноуп ианигәалашәа ашыла шимамыз. Аԥш
ганы аӡлагараҟны инижьхьан, аха дахнаго мацара
дзым­ца­цызт.
Рацәак ыҟам, илаганы иоур ишԥеизаамгари… Из­дыр­
уа­да, Шьасиа даадгыларгьы, џьара ирфо акы лыр­хиарын.
Дышиашаз, аҩныҟагь дыдымгылаӡакәа, ашҭа дыҩ­
ҭыҵын иҿынеихеит. Дцон акраамҭа акгьы дазым­
хәыцуа, ус дҭа­нагалазшәа. Дцон абас аӡы абжьы даа­
нарԥшаанӡа. Анаара дызҿагылаз аҟынтәи иубон Уаа­
мыр, амра хыԥхало, ицыр­цыруа иахьнеиуаз. Ақәа

амуижьҭеи аӡы акыр иагха­хьан, ана-ара ԥаса аӡы
зқәы­ҵәоз аҭыԥқәа ҟәарабжьара­хан, аԥс­лымӡ ықәыҩҩ
иааԥшуан. Џьара-џьара, иара, асынтәигьы, икеи­кеиуа,
аҵа ҟәашӡа ахаҳәсса аҵаҩҩы уӡааԥ­шылон.
Изыбжьарҟыҟы изкыз ашьхақәа ианрыцәцалак аԥ­
сы агәы икылаха ашьаҟьасҭахьы ианаакылашәа­лак,
«ушш-ушш» ҳәа аҽааиҵнахуан.
Аԥшаҳәақәа, аԥслымӡрақәа ккаӡа иҭацәын. Алԥ­
хын­рак аӡыжьқәа ирҭеибагәа, аԥслымӡ ибылны иа­
ла­ԥсаз хәыҷи-дуи уажәшьҭа ҽыкәабара ҳәа арахь
имаауеижьҭеи акраа­ҵуан. Џьара дарчк хыз­ҵо, мам­
зар­гьы сынхыԥшылан, иқәышьшь иҟәынд-шәын­дуа
иахьцо абжьы сназыӡырҩып, ӡы хьшәа­шәа­қәак нас­
ҿасҭәап ҳәа иааиуаз аӡәы, ма хкаа­рачан­тәи аҳас­кьын
иаршны ӡыжәра илбаалоз рахәқәак ра­кәымзар, иҭа­
цәын аҟәарақәа.
Аҟәарахьы дналбаан, илабашьа нышьҭаҵан, инапы
аӡы инӡааишьит. Уи акыр ихьшәашәан. Ицәа-ижьы
ааихԥеит. Убасҟан ауп агәра анига амцашоура ԥыҭк
шимаз. Иблақәа инархишьылан, еиҳа иаахитит. Нас,
уаҩак азна ааҭиган ижәит. Уажәааны, ианакәызаалак,
ари аӡы асырӡ агьама аанахәон, аха уажәы иамамызт.
Бзиа ибон Басиаҭ асырӡ агьама…
Урҭ асқәеи асыԥсақәеи аӡиас наӡаӡа изымшьуа
амч рзаҭомызт, аха аамҭала амч ҩбартәуан, аԥаҩқәа
ирыҵа­ҵәо иҟарҵон. Цқьа иманшәалаз аԥанқәа унар­
ԥшаауан. Аҽуаҩ ишьапы егьа акәадыррҭахь ихеига­
ларгьы, дамыр­бааӡар ауамызт, ашыҩҳәа инаихьнаҳәон
ацәқәырԥа абыз­бааӡа.
Басиаҭ илабашьа неиҭарсуа аӡхықә иаваршәны
аӡлага­рахь ихы ирхеит. Иара дгәагәо ахықә дахьықәыз,
аӡиас ахәрашәа изаҳәозшәа иаҳауан:
«Сара сышцац сцоит…»
«Уара уаангылоит, уаангылоит, уаангылоит…»

Аӡлагара даназааигәаха, абжьы имаҳаит.
Илымҳа убасҟак ицама, анаџьалбеит, аӡлагара­
бжьы­ҵәҟьа имаҳауа…
Цқьа даныԥшы, аӡымлага шьҭын. Аӡлагара абарбал
џыџӡа игылан. Аиаҳәа иҭашьшьы иҟаз алаҟьабҵә­
ҟьа ба­хьан. Абарбал ацқәа ахьгақәаз ибыжькаҵәаӡа
иҟан. Абри ахаан игьежьхьеит ҳәа угәы иаанагомызт.
Аҽ­шԥаԥсахуеи уи аиаҳәа ӡыла ианҭәу! Аӡы, аҽыҩҳәа
аиаҳәа иҭҟьаны абар­бал ацқәа ианынараахалак иԥыр­
уеит. Хаз-хазы уажәы иубо абжькаҵәарақәа зе­гьы
ыӡуеит, гьежьыкны еилалоит. Алуқәагь убас. Ишԥаԥ­
шӡоу иԥырны ианыгьежьуа. Иантәо иҭыҿҿа, игьежьны
иҟаҵоу хаҳә џьаџьак ахьубац иҟоуп.
Басиаҭ аӡлагара дныҩналт. Аӡлагарахьча ихгьы иԥа­
ҵагьы ҿыц иқәыршә исаны, иахыхны аӷәраҿы ишь­ҭаз
алу ахы дықәтәан.
Инаҩсшәа икҿасоу атәарҭаҿ, ихы шла хьамҭаӡа, ҵаҟа
дышьҭаԥшуа, илабашьа итәӷәыбжьара ибжьаргылан
уи иҽнаҭашәа дтәан аҭаҳмада Дамырҟан.
– Уа мшыбзиақәа!
– Уа бзеира убааит, – иҳәеит аӡлагарахьча даагәыр­
ӷьан, дагьҩеихаҵгылт, – иаҳҭахыҵәҟьаз даҳзааит ҳәа
сыҟоуп…
– Бзеира убааит, бзеира убааит, дад, – дҩаҵыззашәа
иуит Дамырҟангьы.
– Шәтәақәа. Утәа, дад, Дамырҟан, сара сзы ушԥагы­лоз.
Аԥсшәақәа ааибырҳәеит.
– Ари алу иаҵалазеи?
– Иҩызит, Басиаҭ, иҩызит! – иҳәеит аӡлагарахьча.

– Нас акәара убасҟак ицәгьахама?
– Сара салагар, сацәшәоит, жәларык рхәы злаго алу
дуӡӡа… Ани акәараҿ иҳазҭаз сымч ақәхон аха…
– Ауаа нҵәама… Изкәо мачхәума?
– Зегьы рыԥшқәа цқьа игәӡаны илаганы ироурц ауп
ир­ҭаху, уаҳа иара аӡлагара акы аҭахуп ҳәа аӡәгьы дыҟа­
ӡам. Дигәа иҟынӡа сцап, алугьы иаб иҟаҵамҭоуп, игәы
ақә­кн
­ ы икәап сҳәан… Дыҟаӡамызт. Ана еизарак ҟалан,
ари амчыбжьык ҳаӡлагарагь ҳауаагь уи иагеит…
– Уи икәон ибзиан,– иҳәеит Басиаҭгьы, зымҩакырахь
алу днықәтәан, – дабацеи зуҳәа?
– Аџыр изкны иахьа имеизо…
– Аа, ус акәхап…
– Иара Аџыр изы Саса абра хә-ԥуҭк аԥш ааиган,
аӡлагара ҩеихнарԥо илаганы исҭеит…
– Урҭ ирлагеит, аха ҳара иҳаԥсыхәоузеи? – ихы қәаџ­
қәаџуа ишьҭыхшәа аӡлагарахьча днаихәаԥшит Да­
мырҟан. Уи даара дажәхьан, шәахшәа дҟәашӡа дтәан.
Иблақәа ажьа­ӡа рхылахьан, алаӷырӡ рывҵажжы.
– Сара ишԥаҟасҵари? – инапқәа роура шаҟароу
дирбо­шәа иааиҵихит аӡлагарахьча, – Саса дзеиԥшроу
узымдыр­уеи, асса-мысса ҳлагап, хә-ԥуҭк алагаанӡа
ауаа зыԥшуам сҳәеит, аха имуит… Убри зегьы лаганы
иааҭигаанӡа абра да­хажьын.
– Ҳаи, афуҟаражә… – иҳәеит Дамырҟан ихы иқәыжь­
ны дахьтәаз.

Басиаҭ инапы алу агәышҵа хаххала иахьышьҭаз
иҩы­қәи­шьит.
– Ҟоҳ, – иааџьеишьеит уи, – зынӡа иҩызхьазаап, иа­
лагазгьы злалагазеи?..

– Басиаҭ уара?.. – иҳәеит аӡлагарахьча дагьҩа­
гылахт.
– Сара уҳәарас исҭахузеи, – иҳәеит Басиаҭ, – аха
снапы мыжда иалалаз сыздырам, амаҵә сзышь­ҭых­
уам… Иахьа аҩны игәасҭон, ажьаҳәа аԥсынгьыри ис­
зақәмыршәа­кәа исымпыҵыҩрит…
– Аԥша, аԥша, – ибжьы хьыр-вырӡа даацәажәеит Да­
мырҟан, – сара уаха шаанӡа сшыбырџьеиуа аашоит…
Сыбаҩқәа ҭнарҩааит… Сеиланаклап, сеиҭеиланаклап,
сеиҭеиланаклап…
– Уи мацарагь акәындаз… – даақәыԥсычҳаит Басиаҭ.
Дамырҟан иблацәа ҟаԥшьӡа инапы нархишьылан,
ччаԥшьшәа акы ихы-иҿы иаақәлеит.
– Ухара шԥаҟоу, уҩба шԥаҟоу, Басиаҭ?..
– Сыҩба хԥахеижьҭеи, дад…
– Ушьыжь шԥаҟоу? – иҽыргызмалны ибжьы ҭахәаҽ
дааччеит Дамырҟан.
– Сышьыжьи сареи ҳаилгеижьҭеи акрааҵуеит… –
иҳәеит Басиаҭгьы уи еиԥш азҵаара игәамԥхацәакәа.
– Убри ауп иуҳәаша. Ауаҩы данажәлак аԥшагьы
дакуеит, иҟоу зегьы ихьуеит. Сара сажәижьҭеи акыр
ҵуан, аха уаргьы уажәуа уалагазаап, дад, Басиаҭ, –
иҳәеит Да­­мырҟан, ихгьы уаҳа изнымкылакәа иҩеи­
қәижьхит.
– Смажәыкәа… Иахьатәиу џьушьома сара, дад, Да­
мыр­ҟан!
– Иахьатәиу-ба? Иабихәа, уара рыцҳа иухыҵуазеи…
Уара уаниз, сара ԥҳәысеибгак слыҿцаауан, лышь­
ҭахь сышьҭан… Ахысыбжь анга, угылан уаргьы ухыс­
роуп ҳәа сылкит, – дырҩегьых ибжьы ҭахәаҽӡа даач­
чеит Дамырҟан, – бара инҵәаз ҳаззымдыруа ҳад­
бырдыруама, ашьшьыҳәа бышьҭаз сҳәан изулак деи­
қәыскит…

Басиаҭгьы аӡлагарахьчагьы ааибарччеит.
– Уара уаҟара схыҵыр, – иҳәеит аӡлагарахьча, –
араанӡа заҵа смаара, ашҭа ахи аҵыхәеи сзеимдарым…
Уажәыгь хар умаӡам, Дамырҟан.
– Сара уажәыгь аҽакала сыҟазаарын, аԥсҭа сыҭганы
аб­рахь аӡаҩахь саарымгар… Ауаҩы знык данажәлак,
ииҳәо иахаҵгылошәа ҟарҵоит, аха ирҭаху иларыгӡоит,
дыхәмар­гахоит…
– Хар умаӡам, Дамырҟан… Уԥҳацәа, уԥацәа, ума­
ҭацәа – уеиҵаҩҩы. Ее, дад, ауаҩы бзиа даныҟоу из­
дырӡом…
– Ааи шьҭа… Имԥсгәышьааит… Сара стәы ҟасҵошәа
санаҿу, сыԥсы шҭоу алаздыруеит. «Шьоук ран данажә
ашы лдыррашәон ҳәа, узышьҭоузеи, уабацои, избо
рызгьы ԥхашьароуп» рҳәоит, аха аӡлагараҟынӡагь саа­
уеит. Илагоу илагаму адырра рысҭоит, сара исызгом
аха… Абас, иҭым­шәац макьана, абри ауп…
– Иҳазхоит, Дамырҟан, адунеи ҳара аҩы ыжәны
иҳар­ҭоз џьушьома… Ианаамҭоу, ишахәҭоу аԥсрагьы
насыԥуп, – иҳәеит Басиаҭ.
– Ауаҩы егьа ҟаиҵаргьы, харшьынак анышә аҿы
дым­неикәа хәарҭа имам… – иҳәеит аӡлагарахьча, дгы­
лан днеи-ҩеиуа алу дахәаԥшуа, нас илагамкәа ишьҭаз
ааҵәақәа, аҳаҭақәа дрыхәаԥшуа, – сыршьит мшәан,
арҭ ауаа зынӡа сдырцәажәарц иҟаӡам…

– Ауаҩы даныҷкәыну… – даҿын Дамырҟан ихы
иқәыжь­ны. Басиаҭ илахь еиқәышьшьы уи дизыӡыр­
ҩ­уан. Аӡлага­рахьча уажәшьҭа урҭ ацәажәарақәагьы

илаӡомызт, илу ҟәазгаӡа иахькажьыз дахәаԥшуан, дгы­
лон, дтәон.
– Ауаҩы даныҷкәыну, – даҿын Дамырҟан, – иԥсы
цәгьоуп, аԥсҭазаарагь бзиа ибоит, амалгьы иҭахуп,
абзиа­барагь иҭахуп. Нас иуаҩыбжарахь днеиуеит, еиҳа
деиқәтәоит. Ма инапы злаку аус азы дыҟоуп, уи ихы
ақәиҵоит, ма иҭаацәа, иԥҳәыс, ихәыҷқәа бзиа ибоит,
уи ала дыҟоуп, иԥсы ҭоуп… Насыԥ нагӡа ыҟаӡам, аха
дарбанзаалак убри дшашьҭоу дашьҭоуп… Ауаҩы да­
жә­уеит. Дзышьҭақәаз реиҳарак алҩеиԥш инықәба
ицоит. Иԥсы ахьҭоу мацара деигәырӷьо далагоит. Знык
иадамзаргьы адунеи анықәԥш­ра, қәыԥсычҳарак – иара
изы акыр иаԥсахоит. Ажәакала, аԥ­с­­ҭа­заара иахьын­
ҳалақәоу зегьы анаамышәшәа акәзаап ауаҩ насыԥс ҳәа
изшоугьы – иԥсы ахьҭоу! Абас, дад, абас…
Басиаҭ уи ихы изышьҭны дизыӡырҩуан.
Иара зынӡаск игәы иаанагомызт ус. Уи ииҳәақәаз
ахь­иа­шоугьы ыҟоуп. Иара имцахаара ԥсыр ҳәа акәын
дзыцә­ш­әоз… Убри акәын нырцәи-аарцәи рыбжьара
дықәкны дызкыз… Аха Дамырҟан имоу зегьы имазар
иара дышԥа­ҟаларыз? Агәаҟра ауаҩы дагьашьуеит, аха
дагьҳарана­куеит…– Ааи сышԥатәоу, – деиханы илабашьа иҽанҵаны
дҩагылт Басиаҭ, – стәашьа сыԥсышьоуп.
– Сара исыԥсыхәоузеи, зыԥш лагам зегьы анеиза,
аӡ­лагара саахырцеит, егьсықәнагоуп, – дааӷьаҵәыӷьа­
ҵәит аӡлагарахьча, – аҳәсақәа роуп сзыцәшәо акәым­
зар, аха­цәа рҿы аус сымандаз, шәхаҵкы сымцоз.
– Дигәа дызбозар… Ма иазҳәаша аӡәы дсымԥы­хьа­
шәо­зар, уеизгьы-уеизгьы ажәа инысҵоит… – иҳәеит
Басиаҭ, – уаҵәы ашьыжь саргьы саап, иудыруазеи уа­
ҵәынӡа акы сеиԥшхар…

– Ухаҵкы сцеит, Басиаҭ…
– Сара иахьа шылак џьара исыԥсахыр акәхоит, асас­
цәа бзиақәаҵәҟьа сҭоуп...
– Изусҭцәада? – дҵааит аӡлагарахьча, урҭ акыр исы­
хәо­зар ҳәа иҳәарц иҭахызшәа.
– Сунар иҩызеи иареи... Алашара сызнаргоит, анцәа
аԥсынҵры риҭартә.
– Сунар-ба? Уи арыцҳа уа дабаҟаз, уажәшьҭа дцахьа­
заргьы акәхап…
– Избан, дад?
– Иԥҳәыс… Лыхшараура ҩымз шагыз, иахьа ашьыжь
иаалыгхан, даара уаҩ длыцәшәартә дыҟоуп рҳәеит.
– Ишԥа? Ҳаи, анцәа хәарҭак лыҭ, ҳаи, анцәа длыц­
храаит... – иааицәымыӷхеит Басиаҭ, – уи лусқәа шыҟоу
умдыруеи?...
– Исымдыркәа... Ахшара дызбоуам, быԥсы еиқә­
быр­харц бҭахызар бҽырбга ҳәа ларҳәан, аха лара аԥсра­
ҩынҵәарадагь илымуит. Лхаҵа хымз шыб­жьазгьы
Аҟәа дышь­ҭеи­ҵар иҭахын, аха лара агәра лымгеит,
лхәыҷы акы изы­р­ур ҳәа дшәон...
– Уажәы дыргарауазеи, анаџьалбеит!
– Уажәшьҭа уаҩы дизырҵысуам, рҳәеит...
– Иа, анцәа, улыхә! Ҵеицәа бзиақәак роуп, урҭ зҭа­
хым ҳәа уаҩ дыҟам, жәлар рҳақ акры амчзар илы­
хәааит...
Басиаҭ иаҳаз зегьы ааиханаршҭит.
Дамырҟан ҿымҭ ус дтәан ихышла иқәыжьны, ирҳәоз
иаҳауазу имаҳауазу узеилмырго. Басиаҭ дандәықәла,
иаргьы деихо дҩагылан иҿынеихеит.
Урҭ андәылҵ, ԥыҭрак ҿымҭ ицон игәагәо, ин­ка­
хәыцуа, рлабашьақәа нарыҵшьуа.

– Ҳаԥхьа махәҿиаа ҟаларц иҟам... Изакә ԥхарра
бааԥсузеи... Уажәааны шамаха ас избахьадаз. Сара
схаан знык-ҩынтә ракәхап ас ианыҟалахьоу... Аҳәа­
сажә­қәа неилык-ҩеилыкны ашәҭ ылыргеит...
– Ԥхынҷкәын, – иҳәеит Басиаҭ аҽакы дазхәыцуа,
– ас уажәадагь иҟалақәахьеит, иҵегь инаскьаргьы
алшоит. Ихәарҭам, ҳәара ақәума, амахәҿиаазгьы, ауаа
рызгьы... Чмазарас иҟоу зегьы рыԥсы ҭанаҵоит.
– Ее, ахәаӡ аҵалт, аҷкәынажә шәыр хәыҷқәак из­
гы­­лоуп. Ԥыҭ-чыҭк ихашәалон... Ҽааны дыккаӡа даа­
қә­­харц дыҟоуп. Уаҳа акы злухуазеи, дад, уажәтәи
аам­ҭазы... Рахә уаҩы иҭахым, шәахәы. Уԥш иашьҭам,
уҟәыд иашьҭам.
– Ҽааны уҳәоу, Дамырҟан?..
– Уи акрыбжьоу џьушьома, иахьеиԥш иааиуеит...
Ԥыҭрак еицәажәомызт, аҩыџьагьы еихо ацара
иаҿын. Аҩыџьагьы уажәы-уажәы иахәаԥшуан нахь­
хьи амарда ашьапаҿы икажьыз ахаҳә ду. Убраанӡа
ҳнеины ҳаԥсы анбаҳшьо ҳәа. Нас аҽа хаҳәык, ҵлак
амҵа рхы ақәкны, убрахь ҳазнеиуазар ҳәа еихо... Нас
еиҳа иааигәоу аҵла амҵа, нас – шьаҿақәак ҟаҵаны,
рлабашьақәа рыҽрынҵа иаангылоит, еергь-еергьҳәа
рыԥсы еивго.

Басиаҭ, Дамырҟан даниԥырҵ, иӡбеит егьа игхаргьы
ахәы­шәтәырҭа аҟынӡа дылбаарц. Сунар иԥҳәыс дшы­
ҟоу еили­каарц. Игәгьы ҽеимызт, днаскьацыԥхьаӡа еи­
ҳа-еиҳа дакуан.
Анаџьалбеит, лыԥхала дзеилгондаз... Мыцхәы бзиа­­
қәак роуп. Анцәа игәарԥханы иишаз... Ишԥа­гәеимҭа­ри
нас...

Аккара дыҵсны хьӡы змамыз акәара данын­хықә­
гылоз зын­ӡа дакын, иԥсы изеивымго даныҟала, деи­
хеигәо днатәеит.
Архахь акәара даара уахәамԥшыкәа аԥсы шҭоугьы
уз­гәаҭомызт. Ана-ара алаҟьаб рхышьшьыла аӡыжьқәа
ҭатәан. Аӡыжьқәа еимаздоз аӡ-ныҟәақәа цәкыҷӡа иҟан.
Абас акәын аԥсы шҭаз. Аҩада, алаӷьарақәа ирықәс­
ны иахьыл­баауаз, ма, «аԥынҵа иҭацәажәошәа» бжьык
ахан. Арахь зынӡа идагәан.
Амшцәгьақәа раан иҭнажаауаз аӡыжьқәа, аарҩа­ра­
қәа раан егьа имқәацошәа иҟазаргьы, зынӡа изы­ӡмах­хо­
мызт. Уаҩ илаԥш иазгәамҭо иныҟәоз аӡы еиқә­нархон.
Басиаҭ иаԥхьа иҭатәаз аӡыжь аҿы, аӡхыгьежьыла­­қәа
дан­гәарҭа, ихыгьежьыло иалагеит. Алаҟьаб дырҵы­­сит,
аӡы агьежьқәа хырҵеит. Аӡхыгьежьылақәа еикәшон,
еикәшон. Ианыццаклак, агьежьымҩа ишьҭырхыз еиҳа
иҭбаартәуан. Егьа игьежьыргьы иара иҿы имиаскәа
изцомызт. Игьежьуан, игьежьуан, ашьацмарҭәақәа
реиԥш ихьанҭа-хьанҭаӡа, зым­ҩа ззымԥсахӡоз аӡхы­
гьежьылақәа...
Басиаҭ илахаҵ гьежьуа ианалага, урҭ рыхәаԥшра да­
ҟәыҵны акраамҭа ус дтәан. Нас деиханы, иҟәартәра­
қәа аҿҿа рылго дҩагылт. Дҩагылт, аха иҩныҟа ихы
имырхар ада ԥсыхәа шыҟамыз ибеит. Дхынҳәны ам­
ҩаду дазкылсырц иҿынеихеит.
Дкаҳаргьы џьара аӡәы дибап...
Аккара дылсырц акагь игымкәа, аҟыгәбыжьқәа иа­
ҳаит. Уи шьоукгьы рыбжьқәа алҩны игон… Аккара
данныл­шәа, ҩбаҟа геқтар адгьыл еизада иқәыз агә­
ҭаныҵәҟьа шьоукы аҩны аргылара ишаҿыз ибеит.
Басиаҭ аҳаҷаҳәа иааигәалашәеит арҭ зусҭцәаз.
Абра иахьа уажәраанӡа «Хыгә иқьаԥҭа» ҳәа иашьҭан.

Хыгә аибашьра ианналагазҵәҟьа, аколнхара машьына
дақәтәан. УИ... Басиаҭ адунеиаҿ зегь реиҳа ицәымӷыз
ауаҩи иа­реи Агантә ишаауаз рмашьына хышәҭын,
Хыгә дҭа­хеит, егьи ишьапы хҵәаны дынхеит... Иахьа
уажәраанӡагьы агәра ргом убри иҭахашьеи амашьына
ахышәҭшьеи...
Хыгә иԥҳәыс лхәыҷы усҟан дсабины дылкын, длыма
лҭаацәа рахь дцагәышьеит. Уажәы уи дарԥысхеит,
дааны иаб иқьаԥҭа аԥсы ҭеиҵоит. Абыржәшьҭарнахыс
иахыҵ­уеит уи, «Хыгә иҭынхара» ҳәа ахьӡхоит…
Басиаҭ ари иаҳаижьҭеи акрааҵуан, дааины иры­ди­
ныҳәалар иҭахын, аха игәамбзиара игәҭакқәа зегьы
ирна­хон, агәырҩа акәын иааскьанатәуаз.
Хыгә инхарҭа даара нхарҭа бзиан, иԥшӡаран, адгьыл
аԥ­сы алан. Иара Басиаҭ иҟнеиԥш иҳаракырамызт, аха
аҩӡыбжьараа рзы есышьыжь амра «зыхшоз» ашьхақәа
ккаӡа урҿаԥшуан.
Ауасҭацәа ԥшьҩык ыҟан.Урҭ зегьы еиҟара-еиҟараны,
зынӡа иҷкәынцәан макьана. Иара изыздыргылозгьы
дҟат­ҟато, «махәҭа» имаӡамкәа изҳауан.
Басиаҭ урҭ данырзааигәаха, аусура иааҟәыҵт.
– Уа бзиа жәуит, дадраа!..
– Бзиара убааит, уааины арахь утәа, Басиаҭ.
– Стәом, дад... Стәом, ухаҵкы сцеит.
– Нас абри аҵәца ҳзынкыл, иҟалозар, – иҳәеит Хыгә
иԥа.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҽыкәаҳа - 07
  • Büleklär
  • Аҽыкәаҳа - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3661
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2510
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3688
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2476
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3644
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2527
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3664
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2441
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3657
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2494
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3617
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2382
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3674
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3732
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2509
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3708
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2377
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2359
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3715
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3639
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3632
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2415
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3748
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2495
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3786
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2467
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3642
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2423
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3716
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2382
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2357
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3638
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2458
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3621
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2472
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3639
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2440
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3686
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2390
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2419
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҽыкәаҳа - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3072
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2115
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.