LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аҽыкәаҳа - 04
Süzlärneñ gomumi sanı 3664
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2441
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
наара иқәибаҳәа инаган аҵәа-ҵла ршьап хьышьашқәа.
Урҭ макьана рбыӷьқәа ааилашлаахьан ауп, уаҳа егьырҭ
ашәаԥыџьаԥ рыбӷьеиԥш имцәацызт. Уахьыԥшлакгьы,
еиҳарак хыхь-хыхь, аҵәа ҿан. Еихәлыԥха-еихәлыԥхо
аҵәа ҟаԥшьқәа, ақаруеиԥш иҟоу аҵәа ҩежьқәа аб
ӷьы цәышла иалԥшуан. Басиаҭ ихаҭа аҵәа изымҭаа
уеижьҭеи акрааҵуан. Акьыба кыдыргылан дҩеиуан
аҵәа ахьҿазынӡа, аха ишьапқәа дрызнымкылакәа
иқыџьқыџьуа, нас ишнеи-шнеиуа иҵԥан ицо иалагон.
Сынтәагьы убас иуацәа, игәыцхәцәа, игәылацәа над
сыла-ҩадсылан, ԥыҭк ҿырхит, аха ирацәаны иҿахеит.
Сынтәа ишақәнаго ишаҿамызгьы, ари абаҳча ахәы
арӡуамызт, аха ҵаҟа шаҟа аҵажьузеи, ибаахьоуи еиб
гои еилаҩҩы.
Иҟаԥшьшьӡа иҩагылаз амра, аҵәақәеи иареи рыда,
хыхь – ажәҩан, ҵаҟа – адгьыл, акы ыҟаӡамшәа абаҳ
ча ныҵнарҭәааит шәахәала. Иҭынчӡа, абӷьқәа зыҽ
рылакны иҟаз аҵәақәа, ааикәаԥха-еикәаԥхеит. Аиреи,
ашәреи, аҿшәареи рзакәан, адгьыл аҿы иҟоу, зегьы
рзы иаԥу дара зынӡа иацәыхароушәа.
Басиаҭ иашҭа уанықәгылоу иккаӡа амшын ухыԥ
шылоит. Арантәи иубомызт, уи агәы ихыршәлан га
рак еиԥш алаԥшҳәаа шарҵысуаз, ажәҩа инаҵакшо,
нас ацәқәырԥақәа рыбжьара иныбжьархәашо. Сахьа
ҭыхҩык иқыцә ду ҩагӡаны ажәҩан ашҵа ашәыга иа
ҵәа жәпаӡа инаҵишьызшәа акәын асынтәи ишубоз.
Амала ес-хәылԥазы уи ссиршәақәа аҽаԥсахуан. Иара
амра ахаҭа ҿыҟаԥшьааӡа, «анапы ахьынаӡо» амшын
анаиулак, ес-минуҭ ԥшшәы хкыла еилыџьџьаауаз
«цәҩычала» еиланаҳәон. Иарбан шәаԥшь хкымыз уи
иашәнамҵоз? Зны еергьҳәа аԥшьра аахыҩло иҵа
ӷаӡаны, зных – ицәаԥшьны, ижәпаны, аҽазных –
ақәыршыҩ аиԥш ашәахәақәа рыххьа иарганы… Аԥсҭ
ҳәа гәаҩарақәа амра рыӷроушәа иҟанаҵон.
Агәашә уахьынҭыҵуа икажьу ақдыхсаха ду дықә
тәаны, илабашьа ахыкәымпылаара ицламҳәа иҵар
гылан дазыԥшлон Басиаҭ амра аҭашәашьа. Амшын
убасҟак ишыхаразгьы, иара дахьынхоз иҳаракцәамкәа,
илаҟәцәамкәа убри еиԥш ҭыԥын, аӷбақәа рыбжьы
азаақьҳәа иааҩуан.
Калам зҭаԥсам ажәытә уардын абарбал еиԥш,
игьежьӡа амшын кылблаауа иныхгылон, нас хәыҷыхәыҷла, иналашьшь ицон… Егьараан дахәаԥшыргьы,
уардын барбалзшәа акәын игәы ишабоз… Игәы инар
хьуан уи ыҵашьшь иахьцоз… Нас зынӡа имбо амшын
иналашьшь ианцалак, даалҵуан, иқәымбацыз амра
ашәаԥшь иқәыԥхо иҩныҟа иҿынеихон.
Анкьа зны, иҷкәынамҭаз, рабиԥарак аԥсҭа аха
ҩаӡара абна иахьыланхоз дрылҵт. Дласкьаны, аду
неи дықәыԥшуа, абри архагь аҿаҩагь ирзеиԥшыз аҳа
ракыраҿы дынхеит Басиаҭ. Иара Басиаҭ абрахь нхара
ҳәа дылбаанӡа цәышьхәа аӡәгьы иаимыркыцызт, чаӷьа
ықәиаауам ҳәа иаҟәыҵхьан. Ашьацҵәҟьагьы ыҟамызт,
ацуҭа рырахә ашьапхыц иадыргахьан, цәԥыран.
Аиашаз, Басиаҭ раԥхьа инкаиршәыз акы аалымҵит.
Аха ус ирласны згәы цоз уаҩымызт уи ианиааз. Ажьы
ра ааиртит, адгьыл инапаҿы иааигаанӡа иааицир
хыраарц.
Абарҭ ацәԥырақәа, адгьыл хҩаарақәа ирӷьарц
ашәыр еиҭеиҳаит, аӡахәа ԥашәиркит, аха азныказ иа
ра убарҭгьы нықәҩаа ицеит. Иҭынхацәа рҳәатәы ан
хеимҵа, ауаа инырҵеит, рабацәа уи иабацәа ахьынхоз,
урҭ рыбаҩ анышә иахьамоу адгьыл ахь дхынҳәырц.
Аха иара инаҿаршәны мап икит. Даргьы иҟәаҵт. Згәы
иамуаз аӡәы ҽырххыла аҩадахьы ахәы даақәыххлон.
– Уаа, Басиаҭ!
Басиаҭ даадәылҵуан. Ҿызҭызгьы, уи деибганы дани
балак, дагьаадымгылаӡакәа иҽы дасны дыҩхапҟала
дцон.
Ашьҭахьшәа, зегьы ԥышәо дышнеиуаз ауп абри
аӡынҵәа, аԥсуа еихатә ҵәа ахы шинарбаз. Есышықәса
ахаҳаҵәаҳа ахьыҟаиҵоз убри амахәқәагьы ааиган
ҵәашак иахаиҳаит... Шықәсык азы иаахьыҭҟәыҭит,
аха адырҩашықәсан иаразнак аҽагеиит, дгьыл бзиак
иқәиаазшәа итәӷәырԥсан, иџарџаруа иҟалеит. Егьырҭ
ихҩаа-ҿҩаа игылаз зегьы инарылибааит. Даагәыр
ӷьеит. Адырхашықәсан, уи кыдҳа ишәҭит. Абри адгьыл
малаҷыр ашьапы ахьынакыз аҽаларԥсны иалаз ал
нахт. Ҭагалан, ишаны иҟаз ҵәа ҟәазла ихыбны игылан...
Ари збаз Басиаҭ, даалаган, абыржәы аҵәа баҳча
ахьыҟоу зегьы дамеигӡакәа абынҵәа еиҭеиҳаит. Игәы
лацәа дҩарылалан иреиҳәеит аихаҳатә рацәаны иши
ҭаху. Аӡынҵәа мацара. Дҿыц нхаҩымзи, иара дна
мышьҭкәа знапала изаазгазгьы рацәаҩхеит.
Алԥхынрак, зхыԥхьаӡара ихашҭхьаз, зыхәрақәа аӡы
рыбжьамлартә нышәаԥшьла ишьыхны, цахала иҿа
ҳәаны иҟаз аҵәа хәыҷқәа днарылс-аарылсуа дрыб
жьан. Урҭ ирхеиҳаз ашыҵра хәыҷқәа рхықәцәақәа рахь
ибаҟә-баҟәӡа ичуан. Нас уахыкала ипытуан, абӷьқәа
қыцә-қыцәӡа илыргон. Иара зыԥсы ҭоу шьоукы реиԥш
дрыхәаччо дрылан, иԥсызи ибзахази гәаҭо, ԥсибзеи еилырго… Хәбаҟа-фбаҟа ҩеит, аха егьырҭ зегьы
бзахеит.
Аҩышықәса рзы ааԥын иҵәақәа гәеиҭарц даннеи,
ана-ара ашәҭқәа ҟәаш-ҟәашӡа инарылшәшәа-ҩарыл
шәшәо ибеит. Мчыбжьык ахи аҵыхәеи рыла иаара
ҭоумшьартә ижәпаны ишәҭит, урҭ макьана зыхәрақәа
зманы изызҳауаз аҵәеихаҳа ҟатақәа. Аҽа ҩышықәса
рышьҭахь, ицәҩажәӡа, арахә ршьапхыц иагахьаз ацә
ҳәыра иахылашаауа ашәҭ нықәҳаит.
Шьапыцыԥхьаӡа жәабаҟа-жәабаҟа ҵәа рҿалт. Из
ҿамлазгьы ыҟан, аха изҿалаз еиҳан.
Басиаҭ инапсыргәыҵа иқәҵан дрыхәаԥшуан урҭ
зҷапан хымшәацыз, иазыхәхәашәа иҟаз аҵәа ԥш
қақәа.
Ирласны ирызҳашт, ишәыгә-шәыгәӡа, шьыжьым
ҭанла аӡаӡа цәыкәбарқәа пҟыш-пҟышӡа ирықәыжж.
Ҭагаларахь ианнықәла, ршьа рылԥхо иалагеит.
Жәохәҟа ҵәа-шьапы ирҿалаз уамашәа ибаны еснагь
игәеиҭон Басиаҭ. Урҭ ирзымҳакәа ишыссаз инхеит.
Нас аԥхын ишыссаз ианԥсала, игәҩара шыҵабыргхаз
еиликааит.
Арҭ ҵәахаҳақәамызт, ҵәашақәан. Аихаҳатәқәа зна
пала изаазгақәаз шьоукы ирыбзоуран…
Убри анеиликааз аҽны инаркны, уи шықәсы наҟьак
игәы иҭынҵәомызт. Усҟан дыҷкәынан, абасҟак ацәгьа
зыӷрагәоу ауаа, анцәа дылбааԥшны иранаижьрым ҳәа
игәы иаанагон. Аха уи аахыс акыр ҵуеит.
Ацәгьагь абзиагь акры ибақәеит. Уажәшьҭа уи аҩыза
џьеишьомызт.
Еизҳаит, идухеит иҵәақәа...
Амшын аганахь акгьы еиҭеимҳаит Басиаҭ, ишыхтыз
иаанижьит. Есышьыжь амшыни иареи ааихәаԥшуан.
Арахь иааскьаган, иҵаҟа џьара аихамҩеи амашьына
қәа рымҩадуи неихыс-ааихысуа, еивалан ицон.
Шьыжьла данааԥшлак, ладантәи амшын иԥенџьыр
илаԥшуеит, аҩада дыԥшыр – ашьхақәа иҩны иҩна
ԥшуеит.
– Басиаҭ! – ҿырҭуашәа иаҳауеит амшын агәы иаҵәа
ра зышьҭа ҟәашӡа ианхало аӷба дуқәа.
– Басиаҭ! – арҵәааҳәа рыбжьқәа хҵо асыԥсацареиԥш
иааигәахоит адәыӷбақәа рышьҭыбжь, аха наскьа ахәы
иахьнаваҵәиуа иаразнак иахәаҽуеит.
– Басиаҭ! – ҿырҭуашәа иаҳауеит аҭшәарраҿ изеи
вымсуа аидара шьҭыхга машьынақәа.
Абарҭ ихысхьоу зегьы иара дрылахәӡамкәа, рхала
иҟаланы, инапала еиҭеиҳаз аҵәақәа реиԥш рхатәы
ԥсҭазаара аархәазшәа ибоит Басиаҭ. Аха дахьцалак
ицуп урҭ ихәыцрақәа, иахьеи-уахеи ииасуа иԥсҭазаара
аҟнытә игәалашәара иалнаҟәшәо…
Иахьак ихы ахьигара издырам. Џьара дцар цәгьа
ибом, аха абри есымша изааигәара игылоу, ииасхьоу
иԥсҭазаара аҵыхәтәаны убасҟак ихьамҭахеит, измыр
қәацо… Дахьцо изымго, изышьҭымхуа, имгар дзымцо.
Амҽыша. Басиаҭ мчыбжьык ахь иҩагыло амшқәа
зегьы реиҳа ицәыхьамҭоуп. Амҽышазы зегьы рхы
иахашәалом, ацәажәахаҵәҟьагьы рымам...
Зегьы иреиӷьу – акы унапы алакызар ауп, аха иа
баҟоу иара хәыҷы-хәыҷла убригь далхәдаахоит.
Адунеи иҟоу зегь реиҳа ауаҩ изы ираҳаҭуп ааԥсара.
Ауаҩы хәлаанӡа аус ииуз данарааԥсо...
Аха...
«Амшә скит!»
«Арахь иааг!»
«Уахь снанашьҭуам!»Иаха аҵла амҵан дыԥхьаҵәҟьазшәа, шаанӡа ауаҩы
дырҭааит Аџырраа.
Аҭаацәа зегьы ракәым, аха Аџыр иԥҳәыси иареи
еснагь ашацкыраз игылон. Иара ашкол ахь дцар
акәын, лара ихәы-иԥхь ҟалҵон, имаҭәақәа идылгалон,
раԥхьаӡа ашкол ахь инҭыҵуа, актәи акласс аҿы иры
дыркылаз хәыҷык еиԥш.
Иахьа, ҳәарада, аҽа мшын. Аџыр игәы дарцәозма,
абжьааԥны аасҭагь заа дгылеит. Уи дыԥшқам-дҳасым,
аха иахьа иԥсҭазаараҿ иҟало закәыҵәҟьаз цқьа дзаз
хәыцуамызт. Иахьа ашкол аҿы иҟалаша, «ҭабуп» ҳәа
иазҳәаз «ҭабуп» ҳәа реиҳәарц уаха еидигало ауаа
рхәы-рыԥхь, аҩы дзыржәуа уҳәа рзы ахәыцрақәа уҳәа
ракәын уи дхагалан дызмаз.
Ианакәызаалакгьы, анаԥхьара-ааԥхьарақәа, аҩы
жәрақәа шьоукы рыҿгьы иара иҿгьы дазгагамызт
Аџыр. Иамур ихы ацәихьчон, аха иахьа бзиа ибаны
акәын дшазхәыцуаз. Ҩышәҩык иреиҵамкәа изкуаз
ашьаԥа хианы игылан. Амала, иахьазгьы аус рацәа
ыҟан, иӡымыз ӡтәын, ижәымыз жәтәын, зҳәазеиԥш.
Аха уажәы иааизар, иаразнак акәыртәып.
Саса инапы ианын урҭқәа реиҿкаара.
Иацижьҭеи иныбжьырҟьа-аабжьырҟьан Аџыр даз
хәыцлон иахьа аизараҿ ииҳәаша ажәа.
Уажәыгь абри дазхәыцуа дыштәаз ауп агәарабжьа
рахьтә амашьына абжьы шгаз.
– Бындәылҵишь, дарбану ас шаанӡа иаҳҭааз, гәыц
хәык иакәымкәа дыҟам… – еснагь еиԥш аҵәы налаҵа
шәа даацәажәеит Аџыр, иааиҿыҵымхӡакәа иҿыҵакыз
имышҭықь ихаԥыцқәа ирыбжьарӷәӷәа. Уи хынҩажәа
шықәса ихыҵхьеит уҳәартә дыҟамызт, иӡамҩақәа ашьа
рылԥхо ихы-иҿы пашәӡа, макьана ауаҩ-ҿа замана иа
кәын. Иԥаҵа хырҟәыдаақәа, аџьыка гәӡа аладырҳәҳәыз
шәа иахьеилышлаахьаз, ицизшәа акәын ишинаалоз.
Аџыр иԥҳәыс Мараса, ԥҳәыс шәпа-жәпак, кьаҿк ла
кәын. Дыццакы-ццакуа абарҵахь дындәылҵит. Абар
ҵаҿ даангылан лнапы лылахь инаԥыракны дыԥшит:
аӡәы «Москвич» аарҵәины, наҟ ахы рханы аанда иаа
дырӷәӷәала инадиргылт. Нас, амашьына дҭыҵны, аш
ҭахь узлааиуаз аихатә гәашә ацаԥха аартра акраам
ҭа дадхалт. Зныкыршәа иааиртын, аӡ икуашәа еиҭа
ныдиҵан, аркрагьы акыр дадхалт. Нас инеимда-ааим
дан инапқәа днарыхәаԥшит.
Агәашә, ҿыц иршәиижьҭеи рацәак ҵуамызт, инапы
амҟьашьыкәа иҟам.
Ашьҭахь, агәашә днадҵын, ԥыҭк данааскьа, дааҭ
гылан арахь дааԥшит.
Уи, иԥшышьа злаҟаз ала, лара дибаӡомызт. Ус уҳәар
гьы, ибжьоузеи уантәи араанӡа…
– Уааи, нан, уааи, узкуа ла ҳамаӡам… – Мараса амар
дуан ҳарак дылбаарц днаҿалт, иаргьы арахь иҿааихеит.
Мараса амардуан абжьара ааиҩылшахьан, уи днал
ԥыххылан дааникылт.
– Сара сзоума шәзылбаауа? Иҟалома! Аԥсра еиӷьын,
ауадаҩ шәаласҵеитеи… – иҳәан, дааӷьаҵәыӷьаҵәит
асас. Ауаҩы ԥшьагьаҭҳа замана, ибжьы иара итәӡам
шәа, ипаӡа, иҭаа-мааӡа иҟан.
Жәҩангәашәԥхьара лзаатны иккаӡа дынҭаԥшыз
шәа, Мараса дгачамкны уи акраамҭа дихәаԥшуан.
Иаргьы ари змааназ еиликаазар акәхап, ихаԥыц ссақәа
аарԥшуа ашьшьыҳәа дыччон.
– Унан, уара ушеибгоу сара. Унан, ухахә сара сцааит!..
– лнапы ыргьежьуа уи ихы-иҿы аҟынӡа дзымҩаӡакәа,
иармарахьшәа игәышԥы лқьышә нақәылкит. Уа иамаз
адырга-гәлаҵа ихьшәашәаӡа лқьышә анынахьыс, иар
ӷьарахь днагәӡит.
– Ушԥаҟоу, нан, Суслик, уара ушеибгоу?..
– Сыҟоуп ус… Шәара шәышԥаҟақәоу? Анцәа иџь
шьоуп, шәеибга-шәызҩыда шәахьызбо саҟара сыцна
ҵоит… – ҿааиҭит асасгьы уи лажәа алгаха ламраӡакәа.
– Ундәылҵишь, уара, иааз думбари… О, уара! О, уара!
Амардуан иҩхалт рҩыџьагьы.
– Ҟоҳ! – иҩнапыкгьы дырҩахан иҿааихеит Аџыр, –
да-да цқьа сухәаԥшыпи, да цқьа узбапи… – иҩнапык
рыла даанкылан, ашьшьыҳәа иччо имҵагылаз асас
дихәаԥшуан. – Исымҳәози сара, исымҳәози, ибгәа
лашәо шаҟантә ицәырган исҳәахьаз?..
– Исгәаламшәакәа, ишԥасгәаламшәо…
– Ауаҩра злыҵша данхәыҷугьы дҩашьаӡом! – Аџыр,
уи дааигәыдырӷәӷәаланы, ишьап ԥынҵа дықәгылан
илахь днагәӡит. – Егьырҭ зегьы ирзууазеи, аха уара
уеиԥш аҽа ԥыҭҩык ҳахьӡаны ҳаҟазҭгьы, уажәы ҳшыҟоу
аҵкыс хараӡа ҳаиӷьхон. Аиаша уасҳәап, абыржәы ҳаш
кол иҭоу рахьтә, аӡәы идамхаргьы, уара иуеиԥшу дыш
рылҵуа здыруазар, сызҿқәоу зегьы сырҟәаҵны саа
гылон… Апартақәа сышрыбжьагыло, уаҳа сылымша
кәа сынкаҳан сшьапқәа ааиҵысхуазаргь… Аа, жәлар
сырнаԥхоуп… Исҳәо сеижьозар… Уаҳа уара уцәгьара
сызмырбаша!
– Сара сзакәыхзеи… Акыр ҳалаҟазаргьы, шәара
шәоуп изыбзоуроу… – иҳәеит асас.
– Ҳашԥагылоу, бара! – иԥҳәыс ихы налықәикын
дааццакит Аџыр, – аҳа, аҳа, аҳа, уааи арахь! Арахь,
арахь! – инапы шикыз аҩны иныҩналт.
Еибартәеит. Раԥхьа столқәыршә жәпак ықәыршәны
стол гьежь дук гылан.
– Автобусла уаама, Суслик, ас шаанӡа?
– Мап… «Москвичла»…
– Ус акәхап, аредақциа амашьына амамкәа иҟоума?..
– Аредақциа иамаӡам, аха сара исымоуп, схаҭа…
– Ааи, Гәаџьагьиа рыцҳа абас уибар… Нас игәы
рҭынчны, шьапылаҵәҟьа дқәаџқәаџуа џьанаҭ дымцоз!
– Ҵиса рыцҳа, лԥа ибзиара лбаны дыԥсыр, лыԥсра
ԥсрас исшьомызт, – дқәыԥсычҳауа ҿаалҭит Мараса.
– Ҳаицымиит, ҳагьеицыԥсуам, мчыс иҳамагәышьоу
зеи, – иҳәеит Аџыр, имышҭықь иц икылмхӡакәа, –
саргьы даара исҭахын уажәы сани саби хәажажаӡа
рымца иахатәазар, аха иааг…
– Ус акәгәышьоуп, аха…
– Аҳа, бцаны ибымоу ҵәах-махык аацәырга! Асас
наҟынтәи сицаазшәа сихәаԥшуа сышԥатәари!
– Сара ссасума?.. Иҟалома?.. Иабаҭаху?!.
– Усасуп!
– Ус, иахьа асасцәа срылагылан саар сҭахымызт…
– Иҭабуп, дад, иҭабуп! Убасоуп саргьы сышуқәгәыӷ
уаз.
– Насгьы, агазеҭ аҿы абри атәы неиҵыхны иадырбар
сҭахын… Сара сыхәҭахьала…
– Иҭабуп, дад, иҭабуп!
– Иахьа абра иҟало акакала сыбла иасырбароуп,
ҳара ҳусаҿ егьа фақт рацәаны иумазаргьы имцхәӡам.
Аиашаз, иара аԥсҭазаара злеибаркугьы дара рылоуп…
Афақтқәа рыла…
– Ишуҭаху, амала ҳахьтәоу џьара акы ҳҿы инҭаҳ
ҟаҟалап…
– Акрыфа-акрыжә сыҟоуп… Сшәыҳәоит са сзы
џьара акы шәаламган! – уи Аџыр инапы нышьҭагәа
икит, инапы акры ахаразшәа.
– Ҳцәажәалап, ҵәыцақәакгьы аанаҳкылап… Уаҳа
исымоумкын, – дааччеит Аџыр, – акы – анкьатәи
урҵаҩы, ҭаҳмадак, ҩбагьы – саԥшәымоуп…
– Шәара макьана аҷкәынцәа раҵкыс шәыҷкәын
оуп… Гәыла…
Мараса дцахьан уеизгьы.
– Нас ауаа ҳахҭыгәлозар акәхап, ауаа еилаҳап, ишу
дыруеиԥш, шьоукы-шьоукы нӡааԥсыла ицоит… Уара
урҭ урыласыжьыр сҭахым. Ҳхала ҳаидтәалап, ҳаи
цәажәап. Шаҟа ибзианы иуӡбазеи заа уахьааз. Сур
гәырӷьеит, анцәа узеигәырӷьаша уиҭалааит, ушьапы
ахьынеихугалак!
– Уи сара исуалуп… Сара шәара шәзы… – Суслик
иџьыба дынҭалан, блокнотк ааҭганы акы наниҵеит.
– Сургәырӷьеит, ааи, анцәа уиргәырӷьааит… –
иҳәеит Аџыр, имышҭықь ихаԥыц иаабжьыхны, – иџьа
шьатәуп, аиаша уасҳәап, иахьатәи ҳаамҭа ауаҩы шаҟа
ихы дахьнагӡауа уазхәыцыр… Ахәыҷы инаиркны аду
иҟынӡа – зегьы. Уажәы уара абри аблокнот акы ануҵоит,
еидарам, акра цәгьам, ашьҭра цәгьам… Уџьыба џьара
инҭаршәны иугоит. Нас убри ркьыԥхьуеит… Адунеи
иахьӡоит, ауаа аԥхьоит, иҭоурыххоит… Сургәырӷьеит,
анцәа уиргәырӷьааит…
– Абзеиара шәзыҟалааит!..
– Уара умсит, сара схәыҷқәа ракәзаргьы еиҳа сшыр
меигәырӷьоз… Иумбои, ауаҩ дуӡӡа иакәым, ласбак
уааӡаргьы угәы азыбылуеит. Уи иамцхәынгьы, уара
сара сзы ухазӡоуп… Ааӡара аҽа усуп. Ауаҩ ибжа агоит,
аха дырҩегьых, дырҩегьых ҳәа игәы ихоит, ихоит…
Егьаҩы сзааӡандаз ҳәа дыҟоуп. Азанааҭ ахаҭа бзиа
ианубо, ахала убас уҟанаҵоит…
– Ииашоуп, ишԥаиашоу… – Суслик ихы маҷк ар
ӷьарахь ирнааны, иблокнот акы аниҵон аффаҳәа.
– Уи сҳәеит ҳәа сара сзы акы уҩырц уҽазумкааит, –
Аџыр, Суслик инапы ашьшьыҳәа иааникылт. – Иарбан
сара жәлары зегьы идурҳартә, агазеҭ иануҵартә иҟас
ҵаз? Қыҭа рҵаҩык. Сара изласеицәоузеи шәҩык, зқь
ҩык егьырҭ арҵаҩцәа… Ииашоуп, ҩынҩажәа шықәса
исылшоз аказы сыбаҩ сацәымаашьеит, аха сара стәқәа
рзами, суаажәлар рзы!..
– Мап, мап, – иҳәеит уи, ашьшьыҳәа, инапы Аџыр
иааимихын. Хыма-ԥсыма акы иблокнот инаниҵахт.
– Ус ажәақәак анысҵоит. Ианысымҵаргьы ауӡом, аҵ
ларкәыкә абажә ианамысуа ахы ахьуеит ҳәа, саргьы
џьара акы сыҩлароуп.
– Иара саргьы акы сҳәалароуп… Зегьы сҳәоит ҳәа
салагар, шәҟәыкгьы ианӡалом… Насгьы, иарбан сара
усҟак иӡырызго исымоу? Раәстә ныраәстә зкыапии
адпәкәӡ… Абриоуп. Амала абас сугәалашәан уахьааз
даара сургәырӷьеит, анцәа уиргәырӷьааит! Еиӷьу иҟоу
зеи џьара нацәхыԥк иадамхаргьы ауаҩы идуҵахьан
ианихамшҭлак…
– Сара исыдышәҵахьоу зегьы… Сыбзеирас ижә
дыруазеи?!
– Убзеиара сзымдыркәа, ишԥасзымдыруеи, – Аџыр
амышҭықь неиҿыҵаикыхт, – уара уаԥсамхеи… Зегьы
рзы. Ари еиҳау бзеирас иҟоузеи?!
Сусликгьы иблокнот нықәиҵан, иҿи инапи еиқә
ҵаны даатәеит.
– Шаҟа ҵуазеи ара ашкол уалгеижьҭеи?
– Имҵыкәа, – даахәыц-хәыцит уи, – ашкол саналгаз,
усҟан саб дыԥсит. Адырҩашықәсан аинститут сҭалт…
Усҟан сангьы дыԥсит… Уажәшьҭа жәашықәса ирхы
лахьеит.
– Нас акыр ҵуама? Ауаҩы абзеирахь ихы анирха
усоуп… Амала, дыцәгьахарц далагар, иҵегьгьы има
риоуп. Абзеира ҩадоуп, ацәгьара ладоуп, дад, сыҷкәын!
Суслик хыма-ԥсыма аҩра дналагеит.
– Ҳара уажәшьҭа ҳажәит, саргьы уажәшьҭа ҭаҳмадак
сҟәарҟәаруа апенсиахь сеихеит. Ганкахьала, сышьны
самоуп ашкол сахьаԥырҵуа, аха саназхәыц, ииашан
иҟасҵоит… Аҿар амҩа рыҭатәуп, аҭыԥ рыҭатәуп, ир
маншәалатәуп.
Суслик аҩра даҿын дыццакы-ццакуа, дыццакыццакуа…
– Аха сажәра бзиоуп сара! Ауаҩы адунеи дықә
нагалеижьҭеи ажәреи аҿареи ыҟоуп. Аха есаамҭа, ажә
рагьы аҽаԥсахуеит, аҿарагьы. «Иажәымҭа цәгьахеит,
аӡахәа ахарҵеит» рҳәон анкьа анхаҩ изы. Убранӡагь
днанагон аԥсҭазаара. Уажәы «иажәымҭа шԥашкәа
кәахеи» рҳәоит. Абри ақыҭаҿ саб иқәлаз аӡәгьы ма
шьына имбаӡеит. Уажәы?.. Насгьы, «иуба иумба уахьаз
зегьы дарароуп, анышә зегьы еиҟаранатәуеит» рым
ҳәои… Уи мцуп! Ауаҩ иҟаиҵаз нхоит. Аӡәы еиҵа ҟаи
ҵоит, егьи – еиҳа.
Суслик иҽақәырԥсны аҩра даҿын.
– Ҟәрышә-иԥа исасцәа ҽыжәҵын, иара дҽыжәҵуа
мызт ҳәа, изакәызеи уара ари аԥшәма ԥҳәыс иҟалҵо,
– дааччеит Аџыр имышҭықь ааиҿыҵихын.
Суслик ари аниаҳа ашырҳәа ихы дҩахан, агәырӷьа
ра ааиҿықәлеит.

мызт… Ажәлар ирҳәогьы бзиоуп, ирҭаххазгьы дыб
зиоуп. Зегьы зымчу ҳәа акры ыҟазар – ажәлар роуп.
– Оо, ииашаҭгьы!..
– Абри аԥҳәыс иҟалҵозеи, мшәан, аԥхьамӡарах
слырԥхьаӡома… Бара!
– Аа, снеит, уажәыҵәҟьа! – ҵаҟантәи лыбжьы ааҩит
Мараса.
– Абриоуп аҭаца дзыбзиоу… Сыҷкәын аиҳабы,
ишудыруа, зымҩа дыҟоуп. Ара дзаауам, дызцом, иҭаа
цәара уа иҭаххеит. Егьырҭ аҩыџьа рыҽдырҵысуам.
Уажәшьҭа ҭацак дышьқьыры-шьқьыруа сыҩны дыҩ
нагылан, иахьеи-уахеи «сбаба» ҳәа салҳәаргьы сҭахуп…
Егьи абжьарак, смаҭагьы агәыды-гәыдыҳәа игара сыр
ҵысыр, сԥаҵа далахәмарыр сҭахуп.
– Уи ҳәара аҭахума…
Ус, лнапқәа саан жәаба дыркны дааҩналт Мараса.
Дхало-дылбаауа мацара, зеиуа уҭаху фатәыла астол
аалырхиеит. Акәтыжь уҭахума, акәац уҭахума, ачашә
уҭахума – унапы зуркрыз уздырамызт.
– Изакә уадаҩузеи… – иҳәеит Суслик.
– Изакә уадаҩузеи, уаԥхьаԥсра соуааит, иузеилас
ҵақәаз, – лҳәеит Мараса.
– Изакә уадаҩузеи, ари ҳара аҭаҳмадцәа ҳгәы ҟана
ҵоит, ҳчеиџьыка уҽаурҟьашьыр, – иҳәеит Аџыр.
– Насгьы асҟатәи зегьы. Шаҟаҩ аҿыдаз арҭ рыҟа
ҵара… Ақалақь аҿы агаз ишадгылоугьы…
– Уи рҵаагак ҳамоуп, мышхәбзазаран исызкашәеит, –
дааччеит Мараса, макьана иӷәӷәаӡа иҵагылаз лхаԥыц
ҵарқәа аарԥшуа. – Аиаша уасҳәап, нан, ҭацак сыҩны
дыҩнагылазар уиаҟара дсыхәомызт… Уи сшыҿнахуа…
Сас дҳагӡам… Иааины ҳарбоит, ҳгәы ҟарҵагәышьоит.
Егьа ишоуразаргьы иуҭаху ҟаҵаны, ичаԥаны инҭаур
гылоит, нас иануҭаху икәаԥӡа иааҭугоит.
– Уи быхәоит, ҳәараҭахума, аха Ашәы Шьмаф икам
башьқәа рыцҳашьаны аӡмах ишҭимцоз амла иаганы
инҵәеит ҳәа, ҳҽырҭынчны ҳаштәаз амла ҳагеит… Сус
лик, ԥыҭк ыфишь уххь згеит, амла уаҳцәакит…
– Ишԥашәҳәо…
Иҩагылан рнапқәа рыӡәӡәан, рхәы инахатәеит.
Суслик иблокнот даахан уи ажәаԥҟагь наниҵеит.
Нас рнапы надыркын, ԥыҭрак ҿымҭ акрыфара
иаҿын.
– Аамҭақәа бзиахеит, Суслик, – даацәажәеит Аџыр.
Суслик, иакәымыз акы дшаҿыз дақәыркызшәа,
акрыфара даҟәыҵны ихы ҩышьҭихит. Аџыр ҿаҵақәак
ифан, имышҭықь цәацәо ус дтәан.
Суслик иаԥхьа иқәыз асалфеҭкақәа аақәихын иа
нааиҵих, «Аҟәыд ыфан сумҟьашьын» ҳәа анын иқә
ҵаны. Дааччан, инапы аларыцқьан наҟ инықәиҵеит.
Аџыр ауатка зҭаз афырџьан аақәихит.
– Ԥаса ишысҳәоз саҟәыҵит, иҳәеит уи, – аамҭақәа
бзиахеит. Шәеиӷьымхаргьы ԥхашьаран. Сара уи сеи
гәырӷьоит, амала ҳаргьы ҳашәхашәмыршҭын. Хаҭала
сара сыԥсҭазаараҿ аԥҟара шьҭыхны исыман, «абзеира
ҟаҵаны аӡы иаҭ» ҳәа…
– Еиҭашәҳәеи… Саҭамыз!..
– Абзеира ҟаҵаны аӡы иаҭ, – иҳәеит уи имышҭықь
ихаԥыцқәа иаарыбжьакны, – ацәгьара ҟаҵаны уҩыҵ
ра иҵак… Абасшәагь ацуп, аха уи ацәгьа ҟазҵо игәни
кылалааит, ҳара иалаҳхузеи… Усами?
– Ус акәымкәа…
– Ҳаибазырбаз! – Аџыр ифырџьан Суслик итәы
инаниҟьеит.
– Ҳаибазырбаз!
Нас Суслик деиҭаналаган акраамҭа ҿымҭ акрифон.
Аџыргьы имышҭықь ицқәа ирыбжьарӷәӷәаны, аҟәардә
дынкыдиаалашәа дтәан.
Ашьҭахь аҩы ржәуан. Аџыр – ашкәакәа, Суслик –
аиқәаҵәа. Аха рацәак рҽеидмырхалакәа игылт. Сус
лик ашкол ахь дыццакуан. Уа иахьатәи аизара – анас
кьагара рҽахьазыҟарҵоз днарылаԥшыр иҭахын. Дман
шәалахозар ихгьы нарылеиҵарц, насгьы зегь реиҳа –
аматериалқәа еизигарц.
Суслик иҿы еиҳа иаунашьҭын, анапырҟәыҷра-ашьа
пырҟәыҷра даҟәыҵын, баӷьа-баӷьа дцәажәон.
Ашҭа дыҭганы иаахынҳәит. Уи имашьына акраамҭа
алҩа аунашьҭуан, нас зныкыршәа абжьы арган, авиҳәа
амҩа шьҭԥаа аҿынанахеит.
– Иаразнак ишԥаилси… Џьара машәыр ихьра ды
ҟоуп ҵабга, ҳара ҳҿы дшыҟаз ауаа ирбон… – лҳәеит
Мараса.
– Сара сҟны аҩы зжәуа ирыхьуа зегьы сара исусума?!
Абригь иҳәеит, даалҟьан аҟырҟырҳәа дааччеит.
– Иухьзеи, аҩсҭаацәа ухалама?!
– Ихьӡ сгәалашәом… Ихьӡҵәҟьа… – иӷра инапы
ҭакны ашҭа иҭагылаз амжәа ду даҵагьежьуан. – Аа
шьышь ахьаныз «абри закәызеи» ҳәа ианизҵаа… Аш
кол данҭаз… «Суслик» иҳәеит. Убри инаркны иааихь
ӡхалан, иаргьы дашьцылт. Раԥхьа иахыччон иазҳәоз
гьы… Уажәы ихьӡҵәҟьа аӡәгьы игәалашәаӡом, иҟалап
иаргьы ихашҭзар.
– Ҳа-ҳа-ҳа! – икьатеиах ԥҵәон Аџыр.
– Унан, џьбеит, исаҳауазеи!..
– Иаргьы саб ихьӡ ихашҭын, сыхьӡгьы џьара иааи
ҿыҵеимыршәеит.
Дырҩегьых ччараха иҩаисын, даара дааԥсаанӡа
дыччон. Нас, ичабра ааҭыхны илаӷырӡқәа ааирыцқьан,
ашьхарахь дыԥшит. Амра агылара агәы иҭан.
– Иахьа сеиҵадырхара иҟоуп… Аӡәы ихабар ҳәа
ыҟаӡам… Иара Сасагь дкылымсите!
– Макьана амш-ага ду ҳазхьымӡо иҳамоузеи, зегь ҳад
галоуп, армазеира заҵәык ауп. Уҽырҭынчны уҟаз, уҽыр
ҭынчны уцәажәала, иахьа ауаа аҽакала иухәаԥшуеит.
– Бара бызҿу сара зынӡаскгьы хьаас исымаӡам.
Ачара – изфо иҟарҵароуп… Аӡәи ҩыџьеи рхала иаба
хәарҭо. Идырхиар ирфап… Ҳара даҽа усқәакгьы ҳа
моуп… Уи аҵкыс инеиҳау. Сыҷкәынцәа ракәын уажә
шьҭа исҭахыз, аха урҭ уаҳа ццакышьа рыздырӡом.
Аџыр амардуан дыҩхалон еиԥш, агәашәшьҭыбжь
иаҳаит, нас арезинатә магәқәа рышьҭыбжь, иагьи
дырт уи Саса шиакәыз. Аха уаҳагьы дхьамԥшӡакәа
дышиашаз иуада дныҩналан, ашә аиркит. Нас еи
қәыӷәӷәа-еиҵаӷәӷәа хыхь ақьафын иаҵәа зҭаршәны
иҟаҵаз истол ҳарак ду днахатәан, ихы инапы наҵир
гәеит. Абас акраамҭа дтәан.Дигәа иҽеилаҳәа-иҽеилаца ашҭа дынҭыҵит. Агәашә
апал ылеиҵарц данаақәҵәиаа, ианԥса лԥынҵа ҵәызӡа
ашәваз иаԥыҳәҳәон. Уи ашә дывҵагылан дишьклаԥш
уан. Ларгьы иаразнак лҽылӡеит, иаргьы иҿынеихеит.
Илзаазеи, амзаатә лзааите… Идылбалазеи!
Дигәа дырҩегьых игәалаҟара изыхынҳәит. Дыр
ҩегьых ишьап шьац амырҽуа дласхеит.
Иахьатәи амш азы иара икостиум ҿыц ишәиҵеит.
Уи ҩынтәҟа рыдагь ижәҩа кылимдацызт.
Дигәа икостиум цхаԥшшәалан. Иӡахны, ихианы
иҟоу иара иқәшәаша аԥшаара уеизгьы ицәгьан, ҭера
зык иҟны иҿеиҵан, мызкы убрахь дныҟәон. Аҭеразы
уаҩ кьаҿк иакәын, иуаҩыбжара дшынахысхьазгьы,
ихахәы еиларҳәы џьара еилшәарак амамызт. Икости
ум идишәаларц днеицыԥхьаӡа, уи дымгылаӡакәа
дахьтәаз, хаарада ԥыҭрак Дигәа аҟазарҭа аҭуан хыла
иҵыԥссо дахьгылаз дихәаԥшуан. Нас ҿымҭ аҟәардә
дықәгылан, зхәагақәа зылпыҟҟа Дигәа ишәиҵоз икьаҿ
дадхо, акраамҭа ашәара, агәаҭара даҿын. Абас хынтәԥшьынтә данахижь ашьҭахь, аҭеразы акостиум ӡахны
далгеит.
– Иҭабуп, иҭабуп идуӡӡан! – иҳәеит Дигәа.
Ҿыц ацәа даалҵны, иаԥхьа игылаз иаалырҟьан
цқьа деиликаазшәа, ихы-иҿы ааиҿалашеит уи. Ашәы
теиԥш илакҭа иҵашәыз алашьцарагь зныказы ины
ҵабеит.
– Дырҩегьых акы аӡахра уҭаххозар, усывымсын! –
иҳәеит уи.
Акостиум цәгьамхаӡеит. Ишәны избазгьы ус рҳәеит.
Аха рацәак ишәиҵалаӡомызт. Иара усгьы абзҳәацәа
рылаԥш дыҵашәон. Иҽеилаҳәан данкылслак, зынӡа
дыхҭаркуан.
– Дигәа, ауаара ҳаҭ! – рҳәарын.
– Дигәа ахшыҩ змоу уаҩуп, имаҭәа уаара уаҩы
иимҭарц азы, днеины арҵәыра дҩылагылан, махәҭа
имаӡамкәа дышшаӡа изҳаит! – рҳәаларын.
– Адауцәа аныҟаз дақәшәар, ауацәа бзиа иауан, –
рҳәаларын.
Иара Дигәагьы, ас даныхҭарклак, дҟаԥшьхон, деиц
рашәон, аха зны-зынла урҭ алафҳәацәа ражәа убас
иԥиҟон: иӡырҩуаз зегьы рнапы еинырҟьартә. Уи аи
зарақәа рҿы Саса ажәа анигозгьы, иҳәаны даналга
лакгьы рнапы еинырҟьон… Адәахьы иандәылҵлак, уи
ицәажәашьа иахыччон.
Амҩаду уахьынангылозҵәҟьа, аладантәи амала
ныҟәақәа рыла иааиуаз ахәыҷқәа даарылаҳаит. Урҭ
рацәаҩын. «Ее-ее!» – еиԥхыҳәҳәо, еибарччо, рнапқәа
ҟьо инаивыҟьҟьеит. Иаргьы дрыхәаччо инапы иҟьон.
Дигәа ахәыҷқәа бзиа ибон. Шаҟа иҭахыз уи ацуҭа
рхәыҷқәа зегьы еизганы, мышкы хәлаанӡа аԥшаҳәахьы
дрыццар, хәлаанӡа драхәмарлар, ашьац днылаиан,
наҟ-ааҟ ҩыџьа-ҩыџьала икны иман дгылалар... Да
ра ааԥсаанӡа иныҟәигалар, аркьыл рзыҟаиҵар... Нас
ишилшо аркьыл дасны ажәҩан ианалеиҵалак, ак
раамҭа иџьашьаны иаҵаԥшлар. Аимҵакьача асшьа
дирбар, аҳаскьын зқәиаан иҟоу аԥаҩ иқәиан, икеи
кеиуа иҟоу аӡыжьаҿ иӡаагьежьыло акалмаҳа ԥшӡақәа
ирыхәаирԥшлар... Ргәышҵа ҩарханы ажәҩан иаҵаԥш
лар, раԥхьаӡа иԥыруа аԥсаатә зылаԥш иҵашәо ҳәа...
Аха машәыршәа џьара дрықәшәан, иаабжьырҟьа
шәа дырмахәмаруазҭгьы, ус мышкы хәлаанӡа ахәыҷ
қәа дрыцыҩуа адәы дшықәу раҳар, абзҳәацәа ауаа
рахь дызкылымсуа дҟарҵон... Зегьы ирынԥоз иара ин
ԥомызт...
Амаланыҟәақәа ирықәтәаз ахәыҷқәа, рмаикақәа
ҟаԥшь-ҟаԥшьӡа амарда ашьапаҟынӡа инеихьан. Ма
кьана урҭ рмаланыҟәақәа ишрықәтәоу ԥыҭк инаскьашт,
аха нас имылбаар ԥсыхәа амам. Мардароуп. Дара ама
ланыҟәақәа гатәхоит, аҩы иашьушәа игыргыруа иры
варгылан...
Дигәа акрыфарҭаҿ дымнаӡацкәа, «Волга» наивсны
инаскьашәа иаангылт.
Ари Аџыр иԥеиҳаб Леуа имашьына акәын.
Амашьына ашә аатын, дааҭыҵит Аџыр иԥеиҵбы
Рушьни. Уи ҷкәына наӡа-ааӡак, еинаалак иакәын.
– Дигәа, шьыжьыбзиа! – дыччо иҿааихеит Рушьни.
Уи иарӷьа шьапы хамҟәалаӡо ишиашаз иахьықәи
ргылоз, даара иныԥшуан.
– Бзеира убааит, Рушьни! – Дигәа уи днеиԥыххылан
инапы ааникылт.
Рушьни ҿымҭ ихы нарҟәны уи инапы днахәаԥшын,
дааччеит. Дигәагь дааччеит.
Рушьни уанидгыло, уаниацәажәо уԥсы ушьоит. Егьа
ус умазаргьы инкажьны, иара дахьцо сиццап, абри
иҟаиҵо, адунеи дыззықәу еиӷьу сара иҟасҵозеи ҳәа
угәы иаанагап.
– Ушԥаҟоу, Дигәа?
– Сыҟоуп... Уара ушԥаҟоу, Рушьни?
– Ус...
– Уалгеит... Акы еиԥшымкәа сеигәырӷьеит!
– Салгеит... Аха макьана схы ахьсырхараҳәа акгьы
смыӡбац.
– Арахь... Ҳа ҳахь...
– Исыздырцәом... Ҳаибабар, ҳаицәажәар, сҭахын.
Угәхьаазгеит. Уаха ҳара ҳҿы еизақәарц иҟоуп, ишудыр
уа. Унеи, акы еиԥшымкәа суҳәоит...
– Иԥшӡамхар!..
– Ассир уҳәоит, уареи сареи ҳабжьароу? Нас уа са
ра бзиа избо кәакьк сымоуп, – иҳәеит уи ибжьы аар
маҷны, маӡажәак иҳәошәа, – ҳаҩнашьҭахьтәи аҿа
ԥара... Убри зегьы ажәытә ҳабду инапала иргылаз
акәаскьа ду андырбгоз иамырхыз аӷәала иҟаҵоуп.
Ахьатә ӷәы. Ашьҭахьала амра ианаршлак, афҩы лаҳалаҳауа иҟалоит. Уи афҩы исгәаланаршәо удыруоу?
Ахьеиԥшҵәҟьа ишәҭуа аҽакы ыҟам!
Дигәа дааччеит.
Аиашаз, Рушьни даара асахьа бзиа змоу ҷкәыноуп.
Ҩныҵҟала убасҟак дыԥшӡоуп, уи цәырызгашаз аҭеҭԥш
имоур ҟаломызт.
– Уара! – амашьына ашьҭахьтәи ашә аатын ихы
ааҭирҳәҳәеит ахҩеишьцәа ргәыбжьанытә Заур. Уи
ихы-иҿы аазыхәхәаны, ҵаҟатәи иқьышә ԥшӡа арахь
иҭцаны, иблақәа цырцыруа уахьынеиҿаԥшуаз, ха
раӡа џьара Рушьни дахьиеиԥшқәаз ыҟан. Аха ицәа
жәашьҭыбжь анаауаҳалак, урҭ злеиԥшыз узгәамҭо
уааҟанаҵон.
– Снеиуеит, снеи!.. – иҳәеит Рушьни уи иахь.
– Ишәзеибымҳәозеи, уара, иахьа? – дырхыччашәа
ҿааиҭит уи.
– Дигәа, унеиуама?
– Снеиуеит, Рушьни!
– Сыԥшуп... Амала умнеикәа умун!
– Уара ҳшыццакуа ухашҭма? – уажәы амашьына
аԥхьа Леуа ихы ааҭирҳәҳәеит. Уи Рушьни дызлаиеиԥ
шыз зынӡаскгьы акы узидбаломызт. Иӡамҩа ҭҭәаақәа
ҭҵәрааны ицон, дӡыӷраԥшьӡа...
– Хҩык аишьцәа кьатеик ааихызҵәаз… – иҳәеит
Рушьни.Убасҟаноуп Дигәа иангәеиҭа уи илахь шеиқәыз.
– Ауаҩы даниуа акгьы зҭаӡам аҵәцаш даҩызоуп: аҩы
иҭоуҭәар аҩы иныԥшуеит, аӡы иҭоуҭәар – аӡы... Ахи
аҵыхәеи егьи амгәарҭа ду ауп – аԥсҭазаара…
– Снеиуеит уеизгьы-уеизгьы! – иҳәеит Дигәа дыр
ҩегьых, – снеиуеит!
– Иҭабуп, Дигәа!
Убри аамҭаз, амашьына иаалырҟьан аус адырун,
еиқәаҵәаӡа алҩа ықәырч, иҭрысны иҩаҵҟьеит. Рушь
ни, Дигәа дихәаԥшны дааччашәа иуит. Инапы ааи
михын, уаҳа акгьы мҳәа, ирӷәӷәаны ишьапы иҵшьуа
иҿынеихеит. Амашьына акрыфарҭа иахьаавсыз иаан
гылт. Рушьни данахьӡа, ашә ааиртын, аӷьеҩҳәа ины
дижьылт. Амашьынагьы асаба хәхәаӡа ишьҭкәыцәаа
иаман аҿынанахеит...
Дигәа акрыфарҭа даннавала, уахь дымԥшӡакәа дав
сырц дыццакны ддәықәлеит. Аха блаҵыхәала дибон
ашә аҿы зхалаҭ шкәакәаӡа игылаз. Уажәы-уажәы лыб
жьы лыргоит ҳәа дазыԥшын, аха ҿылҭуамызт. Забџьар
шьҭазҵарц зҭаху ар рбираҟ шкәакәеиԥш, ашә ды
лагылан уи.
Дигәа дхьаԥшны дыԥшит. Акрыфарҭа аҩныҵҟа
уаҩ дыҩнимбааит. Лара аӡәзаҵәык лакәын абуфеҭ
гьы иҵагылаз акрызфозгьы рымаҵ зуаз. Уи иӡәӡәаны,
иуанҭаны илшәыз лхалаҭ шкәакәа леиҿкаашьа еиӷьна
тәуан, насгьы еиҳа дыннакылазшәа, деиқәтәазшәа
унарбон.Дигәа дицәымӷӡамызт уи, аха ауаа шеилагылоу убри
аҩыза акы наигәыдылҵон, ихы ахьигара изымдыруа.
Дицәымӷ акәым, дрыцҳаишьон, аха иара мыцхәы дых
ҭакны длыман.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҽыкәаҳа - 05
- Büleklär
- Аҽыкәаҳа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3661Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3688Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3644Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3664Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3657Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3617Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3674Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3732Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3708Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3715Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3632Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3748Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3786Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3716Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3638Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3621Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3639Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3686Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҽыкәаҳа - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3072Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.