Latin

Ашацәа ртәарҭа - 26

Süzlärneñ gomumi sanı 3269
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2180
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
аахыс… Аҳ, анаџьалбеит, ауаҩ машәыр шара-мша ицәа
иҭаӡаӡозеи!
Иҵӡозеи, иҵӡозеи, уи амш еиқәаҵәа уаӷеимышхара
ацхахә неихаҟацеижьҭеи. Аха иахьагьы-уаҵәгьы, мшае­
неиԥш, ашәи бжьы шҭыҩыц иҭыҩуеит Кәыдры… Мшаҽнеиԥш
сыбла дыхгылоуп, зшаеҵәа аарла иҩыҵхахаз, зхәыҷра
алакә ԥхыӡ иалымҵыцыз, цқьа аибашьыха змаӡаз, аиааира амш злахьынҵахәырамхаз Мизан. Иахьагьы уаҵәгьы,
уаҵәашьҭахьгьы, ҽаангьы, цохәгьы, цабжьгьы сгәы азыбылуеит, абри ахҭыс еиқәаҵәа иашәаџьҳәаҩу, сажәеинраалақәа
иршаеҵәоу, убри ахамышҭыхә мшы аҽны, ақәрахьымӡа
ихьӡала, сгәы иҵысхыз абри ажәеинраала:
Агәырҩа иацу, ақәа еиқәаҵәа,
Улаӷырӡышоит иахьантәарак.
Улзышәаџьҳәома ан еиқәацәа,
Ан изхыҵхьоу зыԥсы ахаара.
Агәырҩа иацу, ақәа еиқәаҵәа,
Улаӷырӡышоит иахьанатәарак.
Аӡәыр дрыхьшәама ашәақәлацәа,
Аибашьра амца адәы сакараҿ?
Агәырҩа еиқәаҵәақәа еиқәаҵәа,
Улаӷырӡышоит иахьантәарак.
Ибаҩ рбама ацәқәырԥ иаҵәаҿ,
Аӡыблара аилаҭәараҿ?
Ақәа еиқәаҵәа еихьымӡа-еиԥымӡа,
Иугәырҩозеи ажәҩан хымааҿ?
Дуџьабома ақәрахьымӡа,
Еибашьрантәи аҩныҟа изымааз?
Ақәа еиқәаҵәа, ақәа еиқәаҵәа,
Дуҵәыуома зыбаҩ зцәыӡыз?
Убри азоума, инахырҟьацәан,
Арҩаш хьшәашәагьы зхыҵыз? –
«Аҟәара дықәуп сгәырҩа хзыжьыз,
Кәыдры ацәқәырԥқәа инрыжьыз,
Згәы иныҵашәаз аӷа ихызаҵә,
Зықәра иахьымӡаз ан лԥазаҵә!» –
Абжьы ҭыҩуеит Кәыдры аӡиас,
Ишәеиқәараха ицоит иниас…
…Аԥхыӡ цәгьа еиԥш, шықәса ҩажәа ниасит убри аахыс. Шықәса ҩажәа иаахымкәаӡакәа, иахьагьы ан рыцҳа
лмыткәма иналаҭәоит, ԥсра ҽнынӡа илыцу, илыцбылуа,
илыцԥсуа раԥхьатәи лыхшара изкалҭәо лылаӷырӡқәа…
Иҳашҳаҭәараха амҩаду архәараҿы игылоуп, Анцәа
аиқәаҵәагьы, ашкәакәагьы зылахь ианиҵаз ақәра хьымӡа
Мизан Мқаииа ибаҟа. Абыржәымзар-абыржәы ахаҳәыр­
шәыра агәы дынҭыԥраап уҳәап!.. Аха мап, зехьынџьара
хаҳә-ҿымҭра иҿымҭроуп!..
Инеихык-еиҵык амаша ахаҿы итәоуп, заб збаха имаӡаз
иӡӷабцәа ҩыџьа. Урҭ Мизан аарла ауп дшыргәалашәо. Ушьҭа
иҭаацәарахахьеит.
«Анцәа уара усимихын, уԥсы иахылҵыз ҩыџьа сиҭеит!
Ҳазшаз улахь аиқәаҵәа аниҵазаргьы, ашкәакәагьы уахыимбааит. Уҵыхәтәы имырӡит. Хьӡыда-цәада убаҩушаҩ шҵыҭәахара-иҵыҭәеимтәит, ихьы шьаргәыҵа са­
кәыхшоуп! Мизан, дад, уара умышреи-уҵыхреи, удоу­ҳаи,
уҳақи, хьы шәахәаны уӡӷабцәа Анцәа ирыциҵааит!»
– игәы дынҭагәырҩан, абааш иаласаз иҷкәын, ҩаԥхьа
илаԥш дныҵигеит. Ихәыҷра игәалазыршәоз Мизан
иччаԥшь неиҿалашеит. Абри аамҭазы: «Шәиу, шәиу,
шәиу!» – Мизан имаша агәы инықәҩыз ашәышә бжьы
абаҟа аҽаакәнаршеит. «Ҳаи, анаџьалбеит, акы ахьырҳәо
акы ыҟаҵәҟьоумашь, зылԥха ҳаура! Анарцә аргама, Мизан ихәыҷқәа дреигәырӷьоит!» – игәы дынҭаӷызын,
изгәамҭаӡакәа, абыржәраанӡа ицәхымҵыцыз аб илаӷырӡқәа
неиқәиҳәалеит. . .
Мраҭашәамҭаз, аҵыхәтәантәи аԥсымра ашәахәа
канаршәуан. . .
Шәымҭак анықәыхыхха заӡаз адунеи,
Шәымҭак днықәлашан, ԥшаласшәа дцеит!..
О, уара, агәалашәара, агәалашәара насыԥда, заҟа­гьы
уааигәоузеи, заҟагьы ухароузеи! Зынгьы ушԥа гәрӷьаҿ­
ҳәашоу, ҽазынгьы ушԥа гәырҩашоу!
Аамҭа, аамҭа, ауаргьала иану, аамҭа!. . Ахаҳә алахьынҵа
здыруа, ахаҳә зшаз иоуп. Ауаҩгьы убасхаҭа ауп дшыҟоу.
Ауаҩытәыҩса илахьынҵеи иԥеиԥши ахьҭаӡу иара ауаҩы
машәыр дызшаз иҿоуп. Абжьарак, егьа уцәа узызагахаргьы,
уи амаӡа ԥшаашьа, амаӡам, ашә – цаԥхак ирҭацаԥхоуп.
Уҟанаҵ иуаҳаз еицәа уаҳазаргьы, ма иубаз еицәа умбандаз. Аха уара иуҭаху, иугәохәуа зегьы есымша Анцәа ҳазшаз
иуеираӡом. Уара, зегьы акоуп, иахьа акәымзаргьы, уаҵәы
ҳәа угәыӷуеит. Анцәа, насыԥк сымихызаргьы, уаҵәтәи амш
сахибаарым ҳәа ухәыцуеит. Усҟан зегьы зымчу аҳәҳәаҳәа
илаӷырӡ еиқәиҳәалоит. Избанзар, уигьы идоуҳаи иҳақи,
иҳәахьеи изԥымҽуазар, изеиламгозар акәхап.
Абри аԥхьауаз зхысҳәааз, сара аԥсра-аӡра сақәгәыӷуан,
акәымзар, ҳзықәшәаз арыцҳара еицәа арыцҳара ҳақә­
шәап ҳәа, аамҭацк иадамзаргьы, схы-сгәы исызҭагӡомызт.
Аҵәуабжь ахьгаз, зны аччабжьгьы шԥамгари ҳәа сгәыӷуан,
агәаҟра ацымхәра агәырӷьара сазыԥшын. Сгәыӷуан...
…Ҳара ҳабиԥара агәаҟра ҳамыҵкәаӡацызт. Анцәа
ишиҳәара ҳашмыхәҿарааз, ҳашцәалаз ҳаҟан. Саб Ирод
ихшаз хәыҩ-ԥацәа, алаԥш цәгьа ила рцәиӡон. Аӡә дубар,
аӡә духашҭуан. Адауаԥшьқәа реиԥш еидгылан. «Шә-џьалк
урыхзырԥо аразреи, ақьиареи ыҟам умҳәан. Мқаииа Ирод
иабацәа аханатә аахысгьы рыразреи рыԥшӡареи, рқьиа­
реи, жәҩахырла иааргоз, аҵыхәтәаны Анцәа ирхьигӡеит!
Зегьы збарҭоу, зегьы заҳарҭоу, аԥшырҭа иқәтәоу дырзыхашеит. Иахьа, Анцәа иџьшьаны, аныҳәаҩ ихы рыдиныҳәало,
еиҵаҭәы, жәҩахырла еигәо рыҩны иҩноуп! – рҳәон
инаԥшуаз. Гәыкала иҳақәныҳәоз, ҳабзарӡы зҳәоз, Анцәа
илԥха риҭон. Ҳшьыцызгоз, лаԥшыцәгьа-ҿаԥшыцәгьа ҳа­
ҵызгоз, рыла лахәа-ҵәыхәа ҭасуан. . .
«Баба, реиҳа угәалаҟа-ухалаҟа уаныҟоу, реиҳа иук­уаиушьҭуа умпыҵаманшәалахо, аҩа укыргьы ахышәҭ аҿало,
аӡа укыргьы иануҵаԥымҵәо, ашара ашамҭаз унасыԥ
ануқәҿнаҭуа, акәтаӷь ԥымҽӡакәа, иувагьежьны ианбылгьо, уура-уҳәара анчарачысхо, улаҭаҷаҷаеи улыгажәи,
аиха лаба еиԥш еихышь-еиҵышь алапҟьа анҿало, џаџа
мацәкьыс данухаҭахәымхо, урахә-ушәахә анузеихымцо,
уеишәахьча унапы нықәукшар, ҿыки-бзыки иаарҳәо зегьы
ааины уаԥхьа ианаақәгыло убысҟан, иухамышҭын ацәгьеиабзиеи рышьхәа шеивҵоу. Иухоумыршҭын, цәгьа нагӡа
шыҟам еиԥш, бзиа нагӡагьы шыҟамло. «Адунеи аҷапан
сара соуп» ҳәа ахаангьы угәу иҭоумыршәан. Иудыруаз, угага ушзахымԥо, цәгьагьы-бзиагьы зегьы ҿҳәарак-ҿҳәарак
шрымоу. Зегьы анумоу, зегьы анухӡу, убысҟан ауп уаншәаша,
дад!» – иҳәеит, хәылбыҽхак сабду иашҭаҿы, иҩызцәеи иареи, имжәарбаӷь ашәшьыраҿы итәаны иахьцәажәоз. Усҟан
сара фышықәса заҵәык ракәын исхыҵуаз. Аха абарҭ сабду иажәаҭынхақәа, мшаҽны еиԥш, иахьагьы, ахьтәы ҵәҵәа
еиԥш, иааицамкӡакәа, џьара ааилшәарак рымаӡамкәа, ибжьы саҳауеит. Иахьагьы сыбла дыхгылоуп, аӡшәах еиԥш
зԥаҵа зҿацәқәырԥоз Ашацәа ртәарҭа аԥеимбар.
Убысҟантәи сабду иҳақ ажәақәа анаасгәалашәалак,
сцәа – сжьы насхибаҳәон. Анаџьалбеит, иахьа аны­ҳәаҩ
ишиҭаху, Анцәа ишиҳәара ҳаҟоуп, аха уаҵәы иаҳԥеиԥш­
харызеишь! Анцәа ду дшаҳаҭуп, иҳамоу ахәыҷы ӡаара­
хым, ҳәаарахым, иӷьычрахым, зегьы, дхыӷьӷьа-ԥыӷьӷьо,
ԥхӡашала сабду иааирыхыз, инеихеиҳа-еиҵеиҳаз, ижә­
ҩа­хыр ахәыҵласа ықәызҵахьаз роуп. Анцәа ҳахыум­баан,
ауаҩытәыҩса дызшаз!
Ааи, аԥсра сақәгәыӷуан, акәымзар, ҳзықәшәаз арыц­
ҳара еицәоу арыцҳара, агәаҟра, уаҳа Анцәа хазшаз
иаҳԥеиԥшитәып, лахьынҵас иҳаиҭап ҳәа, сыԥхыӡ иала­
шәаргьы ихасҵомызт. . .
***
«Аҩнаҭа цәгьарак анаԥеиԥшу, аҩн ду аԥшь – ҭӡамцк
ҵысуеит!» – рҳәон ҳабдуцәа, урҭ рабдуцәа рабиԥара.
Уи аҽны, ахәылбыҽха, аилашәшәымҭа инаркны, асыр­
ҳәы аура иалагаз, ашара ашамҭаз, асы ҩамгылах еиқәы­
жәахәа, уаҭәашәпара иныҵаӷәӷәо ишьҭалахьан. Адгур иаб
Толи, аарла ашареи иԥси неихьигӡеит.
Иҷкәын Адгур иахьа ашьыжь еибашьра дышцоз идыруан. Акәасҭхарамца ахы неихәлеикит. Уажәы иаалырҟьаны,
анахь иҟамкәа, арахь иҟамкәа, иаԥыжәац, амра аԥсымҭазы
иаазқәаршәшәазшәа иибаз рган ҩны ааигәалашәеит.
Игәалашәеит. «Аҩнаҭа рыцҳарак анаԥеиԥшу, аҩн ду аԥшьҭӡамцк ҵысуеит!» ҳәа иабдуцәа ирҳәоз ажәаҭынха. . .
«Иацоуп уашьа еиҳабы Мизан анышә данамаадаз, Ад­
гәыр. Макьана инацәкьарақәаҵәҟьагьы мыхьшәашәац.
Зылԥха ҳаура убри арыцҳара ҳазирхо џьысшьоит, сикәых­
шоуп. Уашьа иижәша аӡыхь ахы ыҵнахаанӡа иԥсадгьыл
ихы ақәиҵеит. Иҵыхәтәы ажәак уеиҳәарц иҭахызаргьы
дахьымӡеит, иԥсы сакәыхшоуп. Уабдуцәа рҳақи рдоуҳаи
хьанҭоуп Адгур. Ҳазшаз духыццакрым, духылаԥшып,
урыцҳаишьап. Абыжь-ныха рылԥха, амашәыр уаҩнагап,
ахымҩас уаҩнагап, уаб дузӡатәуп. Сара суқәгәыӷуеит, Адгур. Ахьымӡӷ имгарц азыноуп ахаҵа дзиуа. Аханатә аахысгьы уара уабацәеи уабдуцәеи иртәышьҭрамыз ныҟәумган.
Иамуӡакәа, ци-шәи рыбжьара урыбжьахозаргьы, ахаҵа
ишиаҭәоу умҩас!.. Уабду, ааӡаб еиқәаҵәа зуаажәлари
зыԥсадгьыли рзы изхызгахьаз думырԥхашьан. Уаҳа иуас­
ҳәозеи, Адгур! – деихаӡԥшшәалаха, ашамҭаз абарҵа да­
хьыҵа­гылаз, абарҭ аб игәырҩа иахылҵыз иуаз ажәақәа
ахызаҵәқәа реиԥш игәаҵа иҭаԥсон.
Ша-шәахәацк ахьымсыцызт аԥсабара,
Аӡын ҵх ҵаарҷҷо аарла ишарккон.
Лацәааихьшь имуцызт иахантәарак,
Ақыҭа рӡыӡо абомбақәа ԥжәон.
Ибон иқыҭа агәаҟра ишҭагылаз,
Ибон иԥҳәыс хәыҷы лхала дшынхоз.
Ибон, ахәаша, ҩ-мцак дышрыбжьагылаз,
Иижәша аӡыхьгьы аарла ихыхәхәон.
Дҩагылеит ашамҭаз хәыцрашәк шигәҭыхаз
Ичҳара далызхыз неиԥылеит агәырҩа.
Зҳәара изымгәыӷьуаз хәыцрак шицрыхоз,
Ашә дынхыҵырц иҿынеихеит зымҩа.
Имаӡа даҳәынҷан, ашәхымс днылахеит,
Игәы иҭеишьызгьы, аҵыхәтәан илеиҳәеит лара...
Адәахьы, аарла иҵыхәтәы шьыжь аҿын ашара.
… Ҳаи, дад, иаха ԥхыӡ цәгьак саргәаҟуан,
Еибашьра ҳәа удәықәлазар, маҷк угәуҽаныз.
Уҽхьоукуа Анцәа имҳәааит! –
Ҳазшаз иузиҳәахьоу улахь ианыз. –
Аб абарҵаҿы ашә даалагылан,
Игәы мыжда ӡыӡон, игәы былуан.
Иҷкәын ишьҭеиҳәон ныҳәаԥхьыӡк гәаныла,
Аб деиҵасны аҟәараҳәа дҵысуан. . .
Илаԥш еихьыс – еиԥыс иҷкәын ишикәшаҟьоз,
Нахьхьи, архәара днаваӡит иара.
Иҽеизигеит, иҽирӷәӷәеит ишилшоз,
Хара игәаҵахь аҵықьҳәа ихысит џьара! . .
Аб мыжда дцәеи-цәыԥсуан иахантәарак,
Рыцҳарак изқәа ишкыдгылаз ибон.
Аха ииурыз - ииҳәарыз шәиккара,
Ахахә еиԥш, ашәымҭақәа хьанҭыџьӡа инаскьон.
… Ашьыбжьышьҭахь амцаԥшь еицралеит,
Дгьыли – жәҩани еимаҵәеит Ҭоумышь ахахьы.
Напышьашәала ҳаҷкәынцәа еилалеит,
Аԥсра абла ихыԥшылеит аӷацәгьа дгәыӷьы.
Дасу гәаныла рыԥсадгьыл рнықәуан,
Дасу гәаныла зегь рыԥсқәа рҭихьан.
Дасу гәаныла рынарцә цҳа иқәсхьан.
Аԥсра захьӡызгьы рԥырҵны ицахьан.
Рыҩнқәа рбылуан аӷа дызхылахьаз,
Рабацәа рыҩнқәа рнапала ирбылуан.
Шә-ааԥынрак, шә-насыԥк ирԥылахьаз,
Амцабз акәҵәишо ахәы ԥшӡа былуан.
… Ахәылбыҽха аԥсымра аҭашәамҭаз,
Ашәаџьҳәацәа ҭалеит Толи имӡырха.
«Иуаҳҳәозеи, дад, уҷкәын ишәымҭаз,
Инышәнап ихы ақәиҵеит, – уҽырӷәӷәа!
Абыржәы акәын иӡыхь ахыҵхымҭа,
Ишаеҵәа анцәырҵызгьы уажәоуп.
Аха даԥыхьашәеит аӷа хәымга ихымҭа,
Иуури, иуҳәари, дад, еибашьроуп!»
Зҽыззышьақәмкуаз аб уажәраанӡа,
Игәы иԥсахит аҳәҳәабжь аниаҳа.
Ашәырқыҭан, иҩны ажәлар еизаанӡа,
Иԥсы гәырҩа илеишьит игәаҵаҿ еизга.
«Шәааԥсеит, сашьцәа, сшәыкәыхшоуп,
Ҷкәынак шәиргәаҟит,
Хьӡыда – цәада дмиасзар, Анцәа иџьышьоуп.
Шәнеибац ахьырҳәаз,
Ԥшаласшәа дмиасит,
Ихы зқәиҵаз еиқәхозар, сажәымҭа лашоуп!» –
Ашьшьыҳәа днықәлеит дунеи лашьцарак,
Идунеи лашьцаҵәҟьеит ушьҭа иара изы.
Аҳәҳәабжь налыҩҩит аҵх еиқәара,
Ан лмыткәмагьы уазырит ласы…
***
Агәашә данҭыҵуаз, шәымҭак дааҭгылан, Адгәыр инапала
агәашә иадичаԥалаз аҽеимааи, аҳәаса амҵа аҵәҩан иахаиргылаз аҽхыбаҩи илаԥш иныҵигеит. Уаҳагьы ажәак иԥсы
инахмырзакәа, даҽазнык иҭаца хәыҷы дыззынижьыз аҩны
днагәыдыԥшылан, хынтә илахьи-иџьымшьи ааџьарны,
агәашә дынҭыҵит…
Лаԥшыцәгьеи-ҿаԥшыцәгьеи рыҩны иавызгоз аҽеимаа,
Адгәыр агәашә ианадичаԥалозтәи амш абыржәыҵәҟьа иб­
ла иаахгылеит Толи, адгьыл ишьапы иҵӷәасо дахьгылаз.
«Ҩымыз ракәын, Адгәыр, Мизани уареи ахаҳә-мҿыхә
шәыбжьалеижьҭеи иҵуаз. Кәаҷаҷгьы саргьы Мизан иԥсы
ацымхәрас, зылԥха ҳаура уара уаҳзынижьыр замузеи?
Абас цәыкьаӡа аҩсҭаа ихы-иԥсы зифазеи, Адгәыр? Абас
егьызхымҵыз унасыԥ ҳазшаз дзахыццакызеи!»- игәаҵа
иҭыҩуаз амҭҳагәыс аххаҳәа амца ицранаҵон Толи дхәаԥш­
тәалаха, аҵәа ашьапы дадҳашҳаҭәарахны дахьгылаз.
…Ашьыбжьышьҭахь, мраҭашәара ацәеицәыԥсымҭаз,
иашәақәлацәа иҵеибаҳәа, Адгәыр дрыманы, иахьа ашыр­
ԥаз згәыӷра згәҵакны дызҭыҵыз иашҭа дааҭаргалеит…
Ирыхьыз, ирзааз рзымдыруа, рхы иҭамкәа, ргәы иҭамкәа,
мшымыждак аҽны, рхы ԥҽны ишырхагылаз збаз ажәлар,
рхы рымагәыхьха, еикәшаны ашҭаҿы итәан. Аԥсуа жәлар
неиҩымсрада, абри аҩыза ауаӷеимышхара, арыцҳара ла­
хьынҵас, ԥеиԥшыс изоуз зегь реиԥш, Кәтолаагьы амҟәыл
еиқәаҵәа ззырҳәоз рызкаҳаит. Ақыҭа ахи-аҵыхәеи неихыкеиҵыкны, уажәы аҳәҳәабжьқәа алыҩуан. Ауаатәыҩса рцәа
иҭамӡо, ирмычҳауа, измышьцыло уаӷеимышхара ыҟаӡам.
Абри арыцҳара ду иҟалазгьы, ажәлар рхы андраалеит.
Алаӷырӡ иашьцылеит. Агәырҩеи аԥсреи раҵкыс, жәытәнатә аахыстәи ҳабдуцәа рыхьӡи рыхьмыӡӷи, рқьабзи,
раԥсуареи, рхаҵареи рхыҵәеит. Харада-барада аламуаа
аԥсуаа зҭадыргылаз агәаҟра хьмыӡӷыршьеит. Ҳашьҭамҭа,
ҳабдуцәа иртәышьҭрамыз ахьмыӡӷ аасҭа, хьӡыла аҭахара
еиӷьыршьеит, ахьмыӡӷ изаҵамлеит. Ус акәын аԥсуа жәлар
аханатә аахысгьы ҟызшьахәырас рда-ршьа ишалаз ус
акәын ашәышықәсақәа рабиԥарақәа рабдуцәа, урҭ раб­
дуцәа рхаҵареи, рхьыӡрацареи шрылааӡаз, цәашьы иаҵәа­
ны иҳаракны ишыркыз.
Ашәырқыҭан, Адгәыр деиҵыхны дықәын, иахьа ашам­
ҭазы дыздәылҵыз аҩн ду азал аҿы. Дықәын, ҩажәиҩба
шықәса аарла изхыҵуаз, макьана зхәыҷра аԥхыӡ ссир зызхара иаламԥрыцыз, иаламыччацыз, ашара аӡаӡа зышьҭа
анызымҵацыз Анцәа имаалықь. Дықәын, ҿыц аҭаацәара
иаланагалаз, абзиабаха змаӡаз, зынасыԥ иқәҿыҭыха Анцәа
изеимраӡаз асаби.
Дықәын Адгәыр, абыржәымзар-абыржәы, абжьааԥны
еиԥш, акыр-кырҳәа, ахьтәы ҵәҵәаҵас иччабжь неихаԥсап
угәахәыртә.
Акка-ккаҳәа, иҵааԥсхахьаз ашҭа иқәыҩуан, зсахьахәыра
амақьа-ршәыра-зшәырахахьаз ан лгәырҩа еиқәаҵәа иахылҵуаз луазыр:
Акәтарцына сықәҿнаҭит уцамҭазы, уан,
Саашьак шысԥеиԥшыз здырит, уан,
Умцахә мыцәеит ҳәа сымгәыӷуази, уан,
Уан угәҭыха лаҳәаха умаӡаӡеит, уан,
Амш еиқәаҵәа, ашара еиқәаҵәа, зшәеиқәарахаз, уан,
Уан удлаԥса дмацарахеит, уан,
Уашьцәа злакым, ашә нкыдҵа, уан…
Амшмыхәла ззыҟалаз, ҿахы еиқәаҵәа, уан…
Дықәын деиҵыхны, шәымҭак здунеи уаара инықәыххны,
ӡшәахҵас инықәӡыҭыз Анцәа имаалықь. Дықәын, уаҵәтәи
аҵеира, уаҵәтәи аԥсуара, уаҵәтәи аламыс агәыӷырҭа. Ишьны ишьҭан, зеиуа уаҳа ицәырымҵуаз, зеиуа уаҳа имгылоз,
аиха змаӡаз дунеи ҿыцк…
Адгәыр ихаҿы, лкасы еиқәаҵәа лҽылаӡан дгылан, згәы
иҭаз, згәы иҭазшьыз, макьанагьы изыхьыз ззымдыруаз,
згәы иҭамыз, зхы иҭамыз зҵалаз, иаалырҟьаны згәырҩа
иарҩышьыз, мызкы аиҳа зхымҵыцыз Адгәыр «инасыԥ!».
Лыбла ихгылан Адгәыр еибашьра данцозтәи ашьыжь.
Абыржәыҵәҟьа лгәы дҭацәажәошәа илаҳауан, макьанагьы
лыԥсы иахылмырзаацыз, аҵыхәтәантәи Адгәыр иуасиаҭ…
Ашьыбжь агәы анаахыҳәҳәоз, аамҭацк аҭынчра гәырҩа
иналагӡаны, иԥсҭыхгаха ашҭа инықәҩит, наҟ-ааҟ рҽеиҩ­
ҿа­ны, ҩыџьара еимырдоз «ауоу». Изгәамхәуаз зҵалаз,
иԥхыӡ иалашәар изхамҵоз аб ахәаша, аџьабацәа еимырдоз «ауоу» илымҳа анааҭнашьаа, аҟәараҳәа днеиҵасын,
ихәы-ижьы ҩеибаргылеит. Иаалырҟьаны, ихьыз еицәа
даҽа рыцҳарак ихьызшәа, даауалыуашеит. Адгьыл ишьапы амкуа, иоура-зоуроу ицхахә неихамгылеит. Ҳаӷеиҭа
иаб инхара, иаб иашҭа аӡы ықәдыршазшәа, иқьаԥҭажәцуҭажәхазшәа, абыржәыҵәҟьа ашәибжьы нҭыҩын, ад­гьыл
адырдха еиԥш инаиҵагьежьит. Ари гәазҭаз, аџьабацәа
рхаҿы игылаз, Толи иашьеиҳаб Кәаҷаҷ аџьабацәа даа­
рылҵын, ауоуҳәацәа рахь иҿынеихеит. Ауоуҳәара
ҩаԥхьа аналагамҭазы, днарыдгылан: «Макьана Толи
шәихымыццакын шәхаҵкы сцеит. Агәаҟра дақәшәеит,
ҵоуп, аха ауоуҵәҟьа Анцәа ҳазшаз иаҳҟәырхуп. Анцәа
дышәмырҵәуан, абааԥс, Адгәыр хаҵала дымҩасит. Иԥ­
садгьыл алахьынҵеи, анасыԥи, аԥеиԥши, Мизангьы иаргьы
рхы ақәырҵеит. Ауоуҵәҟьа Толи иаҭәам, саашәыкәыхшоуп.
Ҳазшаз иџьшьарала, ҳазшаз игәаԥхарала, Адгәыр макьана иашьа еиҵбы Мазлоу дыҟоуп. Иаҳәшьцәа ҩыџьа ыҟоуп.
Ауоу ахьырҳәо, зышьҭахьгьы заԥхьагьы аӡы ықәдыршаз,
зҵыхәтәы нымхаз иҿоуп. Адгәыр иԥҳәыс хәыҷы дыҟоуп.
Ҩымыз заҵәык реицыҟазаара Анцәа иреираӡеит. Убригьы Анцәа илзиҳәахьоу дақәшәап иҳәан, иҽааиқәиҳәалан,
ашьшьыҳәа даагьыжьит Кәаҷаҷ.
Ашьыбжьышьҭахь, жәацы Адгәыр дыздәылҵыз аҩн
ду даалбаарган, изхара изымбацыз иаб иашҭа ԥшӡа
днықәдыргылеит. Адгәыр иҩызцәа, рхы-ргәы рымагәыхьха,
икәшаны иаагылеит. Ашҭа ықәырҭәааны игылаз ажәлар
ааскьан, ақәра хьымӡа икәыба ааргәҭыларкит. Дгьылгьы жәҩангьы, ҩнгьы гәарагьы аамҭацқәак хаҳә ҿымҭра
иҿымҭрахеит.
Ақыҭаҿы изныкымкәа, ацәгьеи абзиеи рышьхәа
еивҵазҵахьаз, абза гәырҩеи аԥсы гәырҩеи ирышьцылахьаз, иахьатәи аибашьра назлаз, гәаҟреи-ҵәаҟреи идыркарахахьаз, инамыцхәны аԥсҭазаара илаԥшықәнаҵахьаз,
ажәлар рҿы унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз ахаҵа нага Гьергьиа Хәыхәыт аџьар даарылҵын, ичамҳа лабашьа нарсны,
агәлымҵәах днеихагылеит.
«Агәаҟра аҵыхәала еизаз, ажәлар саашәыкәыхшеит!
Уажә ааигәоуп Кәаҷаҷ иҷкәын Мизан Мқаииа, иабду Ирод
Мқаииа ижәҩахыр аҿы анышә данамаадаз. Ауаҩытәыҩса
Анцәа адунеи дықәиҵеит, иԥсы ҭанаҵы дгәаҟларц. Аха
егьа илахьынҵа даруалуашаргьы, даршаҟьаргьы, ихьӡиихьмыӡӷи рыгәнаҳа даҵамларц. Иламыси, иаԥсуареи,
иԥсадгьыли, ижәлари имыхәшьадырц. «Ҽеи ԥсышьа
зауз, ҽеи тәарҭагьы иоуеит!»- рҳәон ҳабдуцәа. Иҟоуп
ахьӡи-ахьмыӡӷи, ахаҵареи, ацқьареи зыԥсахацу, насыԥс,
ԥсҭазаарас измоу, изцәашьы иаҵәоу ауааԥсыра. Убарҭ
иреиуоуп, иахьа абра ацәгьаразы зашҭа ҳҭагылоу
ажәлантәқәагьы. Абарҭ, аха­натә аахысгьы, жәҩахырла,
абиԥарала ацәгьеи абзиеи рымаӡа зҵарымкуа, ишыԥсыша
здыруа, иҽеиу, зыгәра гоу, иԥышәоу уаатәыҩса хшароуп,
шәхаҵкысцеит.
Шәнеибац ахьырҳәаз ауп, ахаҵа дахьԥыршәо. Убри
иаҷыданы, ажәаԥҟа ишаҳәо еиԥш, «Аҽы жәлала иҩуеит!»
«Арагәаԥшь, арагәаԥшь авҵиаауеит!» Толи, баба, ганкахьала улахьынҵа унасыԥданатәызаргьы, ҽаџьара,
унасыԥи улахьынҵеи уқәҿырҭит. Кәаҷаҷи уареи насыԥ
шәыман, Толи, избанзар, ашәышықәсақәа еихалаеихыҵыргьы, шәыҷкәынцәа рыбзарӡи, рхаҵареи рыхьӡрыԥша, рхы зқәырҵаз рыԥсадгьыл иақәлахоит. Иҳаӷоу,
ижәлар рышәиԥхьыӡи рҵәыцәгьеи иқәшәааит. Ҳаӷоу
иԥсы ахьынӡаҭоу, цәгьара аҵыхәала дыбзыргааит. Толи,
дад, уҷкәын дықәрахьымӡахазаргьы, хаҵала дҭахеит.
Иашьеи иареи ӡра-ԥсра зқәым ужәлантә зегьы абаҟа
шәыздыргылеит. Уимырԥхашьеит. Уԥсаҭа ахьы ахьыршо
тәарҭас-гыларҭас Анцәа иуаҭәеишьааит, дад, Адгәыр. Удгьыл
гәакьа узышьалҭахааит. Ушьҭахьҟа ухьамԥшааит! –иҳәан,
аԥсы илахь днагәӡын даахынҳәит Хәыхәыт.
Адгәыр ицеибашьуаз ргәы инҭаӷызны ирҳәеит, рҩыза
гәакьа иҭахашьа. Аӷа дызхыз Гьергьиаа рхәаҿы аламуаа
ирҿагылаз ҳаҷкәынцәа, гәыла-ԥсыла ҭоуба уны, заа рыԥсы
ҭины, гәаҵаӷара асыршәы ргәыҵхны ишеибашьуаз. Адгәыр
дызвыршьааз иҩызцәа руаз ажәа иалаҵаны ирҳәеит,
Адгәыр данҭаха ашьҭахь хаха-хымш аӷацәа рнапаҿы
дшынхаз. Аҵыхәтәантәи ихызаҵә нҵәаанӡа дшеибашьуаз.
Еибгала иаӷацәа ихы шримҭаз…
Шьыбжь хыҵымҭазы, ашәалҟьамра анхықәгыламҭаз,
ушьҭа аԥсы ишьҭыхра рацәак агымкәа, иҟалеит ауа­
ҩытәыҩса ихы-игәы изҭамыгӡоз, Толи изы иҩынтә ԥсрахаз
хҭыс саашьак. Ишысҳәахьоу еиԥш, Адгәыр инарцә мҩа
данықәырҵоз аамҭазы, даара иидырӡоз аӡәы, Толи
дыԥсымкәа-дыбзамкәа аџьабара дахьалагылаз дааидгылан: гәырьаҿҳәашак изнеигазшәа, ицәа дынҭаҵәин,
иныҵакӡаны:
– Толи, узықәшәаз арыцҳара збоит. Адгәыр иабацәа
ишыртәышьҭраз еиԥш, хаҵала иԥсадгьыл ихы ақәиҵеит.
Изакә аамҭоу ҳазҭагылоу иубо ауп… Аԥара узшәозар,
Аԥсны афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихырҵартә иҟасҵоит, уи иара
дагьаԥсоуп! – иҳәан, Толи иԥсы ихазыҭәҳәоз ԥсеиқәыр­
хагак еиҳәазшәа, иҽеиԥштәӡаны даагылеит.
Азныказы, Толи игәы иҭамыз, ихы иҭамыз, дыззыԥшымыз
ажәа ҭынха аниаҳа, ииура-ииҳәара изымдыруа, ихы-игәы
неилаԥсеит. «Абри абасҵәҟьа смарианы сышԥеибеи!» –
иҳәеит. Аха мчыла иҽынеижәагәан, – «Мамоу, баба, Адгәыр
иабиԥара, ахьӡ ԥарала иаархәо­мызт. «Хоуп» анырҳәоз,
афырхаҵара, ахьыӡрацараҿы шьала идырҳауан. Адгәыр
иԥсадгьыли, иабдуцәеи, иашьцәеи рнышәынҭрақәа ихьчон,
ихгьы рықәиҵеит. Адгәыр усгьы дфырхаҵоуп, еиҳау ҳамҭа
иҭахӡам!» – иҳәан, днеиԥырҵит.
…«Бамба рахәыцла иӡаху ахьӡ, аҵыхәтәаны жәлахых­
гахоит, дад!» ҳәа сабду мышкызны схәыҷра амышқәа
иргәылеиҳәаз ажәапҟа ажәаҭынха, абыржәыҵәҟьа, иҿыц­
ҳҳараӡа, аҽгәылыршәаны слымҳа аҽынҭанарҳәит. . .
Идунеи дықәнагалеижьҭеи зхы ззымдырыц, дыҟа­наҵ ны­
шәымзар акы иазмырҭәуа ауаҩытәыҩса сеиҭанеиз­хәыцит...
…Амра анхықәгыламҭазы аԥсы дышьҭырхит. Акәыба
ашҭа хынтә инықәргыланы, хынтә адгьыл инаҟәырхын,
дры­­маны рҿынархеит. Аԥсы дрыманы агәашә ианынҭыҵ­
уаз, сылаԥш нақәшәеит, аибашьра ҟалаанӡа, Адгәыр инапала ашҭа агәашә ашьаҟа иадичаԥалахьаз аҽеимаа. Схәы
– сжьы ҩеибаргылеит. «Зегь акоуп, лахьынҵас ҳазшаз иу­
зихә­шьадыз узахчнымсит. Зегь акоуп, угага узахымԥеит,
Адгәыр. Уԥсаҭа, анарцә џьанаҭ тәарҭас-гыларҭас Анцәа
ду иуаҭәеишьааит, уара, Анцәа ауаҩытәыҩса дшаны адунеи дықәзҵаз!» – абри сгәаҵа инҭысҳәәаан, даҽазныкгьы
аҽеимаа сылаԥш иныҵызган, сылахьи-сыџьымшьи ааз­
ӡатәит. . .
Аԥсыжрахь ҳназгоз амҩаду ҳаныланы ҳнеиуан. . .
О, уара, мҩамш, мҩа мыжда! Амҩа, амҩа, Анцәа иины­
ҳәахьоу, егьишәихьоу амҩа!.. Ҳазшаз ухьы шьаргәыҵа
сакәыхшоуп. Абри амҩала, заҟаҩ сашьцәа ркәыба ахы
иаҵагылахьоузеи. Иацоуп ари амҩала Мизан изқәаҭыԥ ахь
даныргаз. Абри амҩалоуп дызныргаз раԥхьатәи сыӷраҭша
Баҭалгьы. Ауази амыткәмеи идырҵәыӷьахеит абри амҩа
ианыԥсалоу ахаҳәқәа. Иац акәымзи абри амҩа Адгәыр
иҭацаагарашәа ананыҩуаз. Иац акәымзи, лаԥшыцәгьеи
– ҿаԥшыцәгьеи ҩ-ҟама хәышк ирызрыҵымсырц, ахьатә
кәасқьа ашәхымс аҿы, ҩыџьа арԥарацәа ианиҿарыкшоз.
Иацы акәымзи аҭаца ҩ – ҟамак данрыҵыргоз. Иац акәымзи,
Ирод имшреи иҵыхреи, имаҭа Адгәыри, иҭаца хәыҷи Ан­
цәа еихыимбаарц имцахара мыцәарц, иҵыхәтәы ҽеихарц,
инасыԥ цыгәҵыхәамхарц, аныҳәаԥхьыӡқәа Толи икәа –
имаӷра ианҭарҳәоз. Иац акәымзи, Адгәыр абри адунеи,
абри ашьыжь шара, аҵх ҵәцара, ашьыжьтәи ашәахәа, мрамырхәага, згәы-зыԥсы каршәны, иҭаххаа ицәоу иҿаҳәатәы
ҟаҵага арҩаш, уаҵәы ашара-ашамҭаз дынхықәгылоз
анџьишьоз! Иацы акәымзи, Адгәыр иҽкаршәны, аразреи, ацқьареи дырхимбаарц, амаалықьцәа рымаалықь
даниашьапкуаз. Иацы акәымзи, идунеи дықәнаҵ гәнаха
даҵамларц Ҳазшаз данизӡатәуаз!..
О, агәыӷра лашә, агәыӷра еижьага! Зегь зымчу, зегь збар­
ҭоу, зегь заҳарҭоу! Иҟоума нас абзиаразы, абзиара? Абарҭ
сгәыӷреи сгәаҟреи рхац еиԥызшьуаз суаз ажәақәа, сгәаҵа
анҭҳәааха самраӡакәа, сызҵаара аҭакс хәылбыҽхатәи
ашәаԥшь неилыбзаа-неилыбзаан, ишызбоз, раԥхьа иналыггаз ахәылԥы иаҵәа, жәҩан калҭ инкыдлашалан, аххьа
шәахәа ныҵганы, ижжаӡа хланҵы инҭалеит!... «Ус акәзар,
иҟаӡам абзиаразы абзиара!»… абри сгәы инҭысҳәааит.
Еихашәы-еиҵашәхьаз анышәынҭра агәашә ҳаннадгыла
ауп, иԥсеилаҵагаз схәыцрақәа рӡымшын санаалҵыз.
Адгәыр имаша ԥҟан Мизан ивараҿы.
Адгәыр иҩызцәа ԥшьҩык равтоматқәа рхианы амаша
ахаҿы игылан.
Аамҭа уҳәеитҳәа, иузгәамҭаӡакәа аҽшԥаԥсахуеи. Ацә­
гьагьы-абзиагьы зегьы шԥазеиԥшу, зылԥха ҳаура. Ҳара
ҳабацәа рхаан, ацәгьараҿы, амӡырха иқәгылаз астол,
аҵәуаҩ данаадгылалак, абџьар иҟәнызар, аҭра иааҭыхны,
астол инықәҵаны, ихҭырԥа, ма ихылԥарч нақәиҵон. Убри
ашьҭахь акәын аҵәыуаҩ ҵәыуара данықәлоз. Ишақьабзыз
еиԥш, аԥсы дҵәыуаны данаахынҳәлак акәын, астол днадгыланы, итапанча, мамзаргьы икәтыц кьарахә аақәыхны аҭра
ианҭеиҵоз. «Абџьар шуҟәну аԥсы уихагыланы дуҵәыуар,
гәнаҳароуп, аԥсы шәоит» ҳәа ирыԥхьаӡон. Аԥсы анышә
дамардаанӡа, ааигәа-сигәа ахысрагьы ҟалаӡомызт. Абри
ацәгьара иадҳәалоу, агәырҩа иахшаз ақьабз, аханатә аа453

хысгьы ҳабдуцәа, урҭ рабдуцәа ҵасхәыраны ирыԥхьаӡон.
Убри ақьабз ааицамкӡакәа, абиԥарақәа иахьанӡагьы
иааргеит. Аа, уажәы, аибашьраҿы иҭахаз анышә данамардо, аԥсы ихагыланы агәгәаҳәа ихысуеит… Абри макьанагьы изаҟәымҵыц, аха зыԥсы ықәхахьоу ақьабз
аасгәаланаршәеит, Адгәыр имаша иахагыланы, забџьарқәа
рхианы ахысра зҽазыҟазҵоз иҩызцәа санрыхәаԥш…
…Агәырҩа, ауазыр шахылҵуа еиԥш, ацәгьагьы ацәгьа
ахылҵуеит. Агәнаҳа аӡәгьы хара изымгаӡац. Акәыба амаша
ианхықәдыргылоз аамҭазы, иҟалеит аӡәгьы дыззыԥшымыз
даҽа хҭыс уаӷеимышхарак: Ар иреиуаз хҩык ҳаҷкәынцәа,
зхи-зԥаҵеи еилысхьаз ҷкәынак, ишьҭахь инапқәа ҿаҳәаны
дрыманы, аԥсыжраҿы агәашә иааҭалеит. Аҷкәынцәа еицыз
раԥхьа игылаз Толи имаҳә Лиониа Какачиа иакәын. Иҟалаз
закәыз ззеилымкааз, амаша иакәшаны игылаз аџьабацәа,
изқәырҵара рзымдыруа, иааилахеит. Иахьа уажәраанӡа
забхәа иҿы имцәажәацыз Толи имаҳә Лиониа Кындыӷи
Ҭоумышьи рыбжьара, афронт ацәаҳәаҿы ирҭаслымыз
Адгәыр маҳагьарыла дызшьыз агыруа днаидгылан, инапқәа
злаҿаҳәаз аҷапырхәа ааԥиртлан, имахәар данкны, амаша
ихықәгылаз Адгәыр икәыба днахаиргылан ҿааиҭит: «Абар,
абри иоуп, уара амаҳагьа, акы ихарамкәа, акы ибарамкәа,
ишьа удымкәа, иҭәа удымкәа, иутәымыз, иумаамыз адгьыл
аҿы уабацәа рызқәаҭыԥ узҭаз, уара аԥсахҩы, изжәша аӡыхь
ахы ыҵнамхыцыз, уаҵәтәи амш агәыӷырҭа, зыԥсҭазаара
иалухыз» – иҳәан, иабџьар ныԥхьакны, Адгәыр дызшьыз
хынтә амаша дакәихшеит. Убри ашьҭахь, уаҳагьы инапқәа
ҿамҳәаӡакәа, днаиаԥижьын, анышәынҭра иахчнысуаз
амҩаду ахықә аҿы игылаз араҿыс амҵа днаиргылеит.
Ауаӷеимышхара зычҳара иалнахыз ажәлар, иҟаларызеишь
ҳәа иԥшын. Абри аамҭазы, – «Толи, абар, уҷкәын дызшьыз
уаԥхьа дахьгылоу. Ушьоура аамҭа Анцәа уахьигӡеит. Абри
иску, ушьа зыблакьаз, Ад­гәыр дызлеишьыз автомат ауп.
Исымх, гәнаҳа зцымло, гәнаҳа зхарамхо, ушьа ҭоумыжьын!»
– иҳәан, автомат наган Адгәыр иаб Толи инеииркит Лиониа.
Мацәыс еимҟьарак дгьыли-жәҩани уадышххырахеит…
Толи дзықәгылаз адгьыл днықәҳашҳаҭәарахеит. Шәымҭак
адунеи зегьы ацхахә неихаҟацан, зехьынџьара аҭынчра
аҿахы неиқәаҵәахеит. Ажәлар гылан еиқәба-еиқәыԥсы
ишьхнаԥсыланы.
Толи ҩ-мцақьоуқьадк дрыбжьаццышәхон… Даагәылазар
ашышкамс иаӷрамԥалацыз, акәтыҵәҟьа рыцҳашьаны ахәда
ҳәызбак наҵазымкыцыз, зхы ахәырбӷьыц икылхны, зшьапы иаԥшны зшьаҿа еихызгоз ауаҩԥсы, уажәы аԥсҭазареи
ашьеи рлахьынҵа инапы иадыркит…
«Арыцҳара ҟалеит, даҽа рыцҳарак уаҵамлан, ауаҩы­
тәыҩса! Зыџьанаҭ мҩа ианылаз, аԥсыцқьа итәарҭа зтәар­
ҭахаз уҷкәын агәнаҳа ицумҵан!» – аб хәашабга ицәа
дҭазырӡыӡаз Аҳақ ибжьы ааӷызыӷызит.
Мацәыс еимҟьарак иналагӡаны, Толи иӷраҭша иџьанаҭ
мҩа днаныԥшылеит. Игәырҩа игәы иҭеишьит, ишьамх иалаз, ишьамхы иалеишьит… Аамҭацк иналагӡаны, иҽеи­
зигеит, иҽеиқәиҳәалеит… Аҵыхәтәан, иабдуцәа рқьабзи
рҟазшьеи, рыламыси, рхаҵареи дзырхымԥакәа, иԥсымкәаибзамкәа, араҿыс иамҵахаҳәханы игылаз агыруа ҷкәын
ихы наиқәикын, абас ҿаиҭит:
«Иуасҳәарызеи, уара, Анцәа дзырҵәуаз, Ан лгәыԥҳәы
зырԥшьаз, аҩысҭаа ишәиԥхьыӡ џьаҳаным зҭыԥнатәыз
ахәымга ихшара. Уаҵалеит уара анарцә хыхшьа змам
агәнаҳа. Иахьа уара уҭархарала, даҽа гәнаҳак сыҷкәын
исызицҵом. Уара усгьы, унарцәгьы-уаарцәгьы ашьаӡагәаӡа
угәыҵыршоуп.
Унарцәгьы-уаарцәгьы
Анцәа
ҳазшаз иҵәыцәгьа уқәшәахьеит. Уара узлашьым, ԥсык
узлаиаҩымсуа ҳәа Анцәа ҳазшаз егьузынимыжьӡеит.
Сыҷкәын уара душьит, аха иабдуцәа рқьабзи рыламыси уара
уеиқәдырхеит… Еиҭасҳәоит: Уара угәнаҳа Адгәыр ицҵаны
анышә дысзамадом. Сара Анцәа дысшьауҩуп. Уара ухала
аҽшьра Анцәа иугәаирԥхаргьы ҟалоит. Уара уахьыҟазаалак,
аԥсуа жәлар рышәиԥхьыӡ уартәарым, уаргыларым. Агәнаҳа
узҵалаз лаҳәа еиқәаҵәаны, ԥхыӡ цәгьаны, уаазышьҭызгьы
уаргьы шәыҵх иалазааит, шәымш иацзааит.
Аԥсынтәыла иаакәыршаны ан лгәыԥҳәыхш кахьоуп.
Адгәыр дыҟам, аха иҳақи идоуҳаи ыҟоуп, ижәлар ыҟоуп,
ӡра-ԥсра зқәым иаԥсуара ыҟоуп…
Уца узыԥсу рахь, уԥсажә уақәиҭуп. Анцәа ишиҭаху
умҩасааит!» – иҳәан, ихаршаланы иикыз автомат, ара
ашьапы инкыдиргылан, ашьшьыҳәа, макьана знышәнап иамарымдацыз иҷкәын имашахь иҿынеихеит…
***
«Ааи, аԥси – абзеи рыбжьара агәырҩа насыԥда еихым­
сыӷьуазҭгьы, аҽамырсындозҭгьы аԥсҭазаарагьы зыҟала­
ӡомызт. Аха уаӡәк дызшьхьоу иакәзаргьы, ицәа иҭаӡара
Анцәа дақәумыршәан!» – иҳәеит, аԥсы гәырҩеи, абза гәыр­
ҩеи, инахырҟьаны илаԥшықәнаҵахьаз, зықәра инахахьаз
ашла.
«Ишԥазури, ари арыцҳара сымацара сзы иҟамлеит.
Гәаӷшақә аӡәгьы исзимуит. Жәлары зегьы ирзеиԥшхаз
хамышҭыхәхеит. Анцәа аӡәы дысхибаазаргьы, зынӡа
сымцахә змырцәаша даҽаӡәы дысзынижьит. Иашьа имҩа
Анцәа ҳазшаз имҩаумтәын. Шанагӡара Анцәа иаҭәашьа.
Анцәа ауаҩытәыҩса дызшаз!» – абас Анцәа диашьапкны
ихы иҟажон, ихы иргәыӷуан Толи, аарла жәаф шықәса рышәгәашә инҭаххыз иҷкәын аиҵбы заҵәы дахьихәаԥшуаз.
«Сцәа иҭамӡара, исыхьыз еицәа Анцәа сақәумыршәан!»
– илахьи – иџьымшьи ааӡатәны, есышьыжь Адгәыр иншьан днахыҵны иҿынеихон... Сара исыбаргәузеи, зыҷ­
кәынцәа рыбаҩҷа ахьҭаӡыз рзымдыруа, ҳаӷеимшхара,
иныбжьахәашазгьы ыҟами!» – ҩаԥхьа игәы дынҭаӷызын,
иԥсахац еихьымӡа-еиԥымӡо бамба рахәыцк инаԥишьуан.
Аха уара иуҳәо Анцәа иуциҳәозар ауп. Толи иахьа
уажәраанӡа аԥсы гәырҩа дажуан-даԥсон. Аԥсы гәырҩа
ишьамхы иҵнахуан, уахи-ҽни даруазыруан. Аха убри456

гьы азмырхакәа, аҵыхәтәантәи игәыӷра гәӷырҭадеитәит
иаҳхылаԥшуа. Толи изыҟалеит, дызқәымгәыӷуаз риашашьа змамыз даҽа рыцҳарк, даҽа ҟаалак. Аб иԥсы гәырҩа
иханаршҭит, лахьынҵас изыхәшьадыз, цәа ҭагӡашьа чҳа­
шьа змамыз абза гәырҩа. Иахьеи-уахеи аԥсра дақәгәыӷуан,
аԥсра дазыԥшын акәымзар, абриҵәҟьа илахьынҵахап ҳәа
игәы иаанагомызт Толи.
Адгәыр анышә данамарда, исабшахә ацәашьы адыр­
каанӡа, иашьа иҿахрахәы анҵаха рамраӡакәа, шьжьымҭанк,
Адгәыр иншьан ахаҿы икыдгылаз иавтомат аакыдихын, иани-иаби днарыдтәалан, иԥсҭыхгаз абарҭ ажәақәа
рҿааирхеит:
«Сара сҩызцәа зегьы, иҭахаз рашьцәа ршьоура ицахьеит. Адгәыр днасхықәҵаны, иԥсы цқьа насгәыҵакны
ҭоуба зуит. Сашьа ишьа кәапеила истаанӡа, ԥсра ҽнынӡа,
Адгәыр иавтомат шкыдсмыргыло ҳәа. Сара ушьҭа
сҳәыҷӡам... Адгәыр иҽааибыҭаны, ашьыжь еибашьра
ҳәа ашҭа данҭыҵыз аахыс, илахьынҵа сазыԥшын. Анцәа
иумҳәан, зеиԥшҟамло егьыҟам, дманшәаламхар, сыԥсы
аиуа ҭанаҵы сашьа ишьа шызуа ҳәа, ҩаԥхьа гәаныла ҭоуба
зыухьан. Иааит уи аамҭа еиқәаҵәа. Зыхьымӡӷи зыламыси
изахымԥаз, сҩызцәа аҷкәынцәа рабџьар шьҭырххьеит.
Уаҵәыҵәҟьа саргьы Адгәыр ишьамҩа санылоит. Сан зегьы збоит, зегьы шәеилыскаауеит. Саҭабымҵан, Адгәыр
ишьа сзахымԥеит!» – иашьа иавтомат шикыз, ашьшьыҳәа
дындәылҵит Мазлоу.
Ҩынтә ԥсра захьӡыз, Мазлоу иани-иаби, гәшәа-гәыӡбак,
ԥсеиқәырхага жәакгьы раҳәаха реимраӡеит. Ан дануп, аб дабуп... Абриаҟара, ҟат еиқәаҵәа, џьамыӷәацәгьа
зцәа иҭазыгӡахьаз, ргәы иҭамкәа, рхы иҭамкәа, Мазлоу
инаргәыдиҵаз ажәа ҭҟьара, хыҭҟьарахан, рхы-ргәы еила­
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Ашацәа ртәарҭа - 27
  • Büleklär
  • Ашацәа ртәарҭа - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3232
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2131
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3273
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2117
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3329
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3315
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2183
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3290
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2232
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3276
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3313
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2219
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2209
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2143
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3283
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2201
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3300
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3307
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2214
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3134
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3249
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2178
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3223
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3199
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2051
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3275
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3202
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2199
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3231
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2138
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3271
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2219
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3268
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2180
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 2599
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1823