Latin

Ашацәа ртәарҭа - 22

Süzlärneñ gomumi sanı 3231
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2138
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
убри аҟара ҭынчрахеит, сынасыԥ сықәҿнаҭыр, абжьы
саҳартә! Абри сымҳәацкәа, иаалырҟьаны, саԥхьа аҭӡамц
инкыдыхәмарлеит, ирҩа-ирҵәаҵәа, Ашацәа ртәарҭа есышьыжь сԥенџьыр икыдыԥсалалоз ааԥынтәи ашәахәақәа.
Ибжьыда-шьҭадаз иаасԥыххылаз алакә гәырӷьаҿҳәаша
акәа сынҭаршәны, мацәыс еимҟьаран инҭаԥрит схәыҷра
агәалашәара ашҭа…
…О, шәарҭ сыҟанаҵ исыцу, сымш еиқәаҵәа иацԥсуа,
Ашацәа ртәарҭа, Тур ихәы иқәыскааз, схәыҷра иақәлоу
сгәалашәарақәа! Заҟагьы шәысцәыхароузеи, заҟагьы
шәысзааигәозеи, мши-ҵхи рхацқәа еиԥызшьуа слахьынҵа
ашәахәацқәа!
Абар, абыржәыҵәҟьа сыкәа-смаӷра инҭагәыбзыӷит,
схәыҷра иақәлоу, аамҭа иазеицамкыз гәалашәарак.
… Аҽны мҽышан. Сара сабду амҽыша имшшьаран,
иԥаҵаҵәҟьа ихәгабз аиркуамызт. Иаҳәызба иныдкыланы,
иеихаԥсыхә амақьа иқәишьуамызт. Иҽыкәаба иҽеилаҳәаҽеилаца, икәымжәыхәа иҵаҽырбо, иҽеиқәа сыҩ-сыҩ
икәаба-ишьшьы днақәтәаны, уабараҳәа иуацәа рахь дцон.
Аҽынтәи амш хәыҷгьы-дугьы аус ааур иуӡомызт. «Амҽыша
Анцәа ду имш ауп! Алԥха-агәыԥха Анцәа ишәиҭааит!» –
иҳәон, ҳаргьы ҳашьцылахьан. Ажәакала, амҽыша ҳара
иаҳтәын.
Шьыбжьаара ҽышьахәарк аиҳа агымкәа, агәашәахь
алақәа еибаршит. «Ааит, сҩызцәа ԥсыӡкра иааит!» – сҳәан,
сындәылҟьеит. Аҽны Лаӷәашьҟа лаԥан ҭаҭәара ҳцарц
еибаҳҳәахьан. Аха иаалырҟьаны агәырӷьара исоуз нарха амоуит. Алақәа иқәыргьыжьаа, амӡырха иқәцаланы,
изеишуаз, сҩызцәа ракәӡамызт. Зырҭыжә ҳәа изышьҭаз
ҳабригадир хыԥшаала иакәын.
– Дабаанагеи, акьу мышьҭацәгьа, амҽышала? – лҳәан,
сангьы даагәамҵ-хамҵит. Зырҭыжә иааира аалгәамԥхаӡеит.
– Умар, уҟоума, Умар! –ашҭа дшааҭалазҵәҟьа, Зырҭыжә
ибжьы иргеит.
Снеиԥылан, Лаӷреи Лаԥшьи неиҟәысцеит.
– Сара агәырӷьаҿҳәаша узаазгеит, Умар, аха уи агәыр­
ӷьаҿ­ҳәаша азыҳәан исуҭозеи? – иҳәан, дсыцны аҩныҟа
иҿааихеит.
– Исзааугазеи гәырӷьаҿҳәашас, Зырҭыжә? – снеиҿагәыб­
зыӷит.
– Иуасҳәаӡом!...
– Исоуҳәозар, ухы нкыдҟьо узышьҭаз, абаҳча-ҽага
иаҿубаауа, зныкгьы ахаҳә ианырымҟьац аҽага атыҟә
усҭоит! – сҳәеит.
– Ҳаи, ус сзууазар, аҽыкәаша суҭазшәа исыԥхьаӡоит,
иҭабуп ҳәагьы уасҳәоит, исуҭаз аҳамҭа ду азы! – иахьа,
амҽышаха, егьаншам, егьаныхәлам, сыхәҟьа-ԥсҟьаха Тур
ихәы схазцалаз абри ауп, – иҳәан, ҩаԥхьа иҽааизигеит
Зырҭыжә. – Уаха ахәылбыҽха Аҟәантәи атеатр аауеит.
Ахәылбыҽха, Кәаӷәаниа Кәасҭа Ду ихьатә кәасқьа аҿы
артистцәа хәмарраны иҟоуп. «Уеизгьы-уеизгьы Ашацәа
ртәарҭаа адырра руҭароуп!» ҳәа ақыҭа асҭаршын сааишьҭит,
– иҳәан, зҿаҳәатәы ашаеҵәа кыднахыз исахьа­хәыра нылкааны, даацәажәеит Зырҭыжә.
– Иашаҵәҟьаны, абри аҩыза агәырӷьаҿҳәашазы, сабду
иҽагажәгьы усҭоит. Ҵабыргуп, уи аҽагажә атыҟә сабду иԥсы
иаҵаҵаны имоуп. Уаҵәы абаҳа ҽага тыҟәс иаиҭарц, Абааиԥа Ҿаԥала ижьирахь игарц игәы иҭоуп. Аха зегьы акоуп,
уара уаҿа ианысҵоит! – сҳәеит, сгәырӷьара насхыҵәан. – Ус
акәзар, уаха Леуарсагьы даауеит! – сҳәан, снықәгьыжьаан
скәашеит.
Зырҭыжә иахьа ҳара ҳахь дгәаразгалаз сан ианеилылкаа, лҩынтәыршыра ажьаӷь уатка аацәырылган, Зырҭыжә
иԥсаҭа нкыдҵаны, ибаҳча ҽагақәа ртыҟәқәагьы, аҷапырхәа
инахаԥсаны, ихәда инахишьын, ихылԥа аҵыс ҭаҳәуа, агәашә
дынҭыҵны дцеит.
… Уаха аԥсуа артистцәа ықәгылараны иахьыҟаз, Кәасҭа
ду ихьатә кәасқьа азуадак аа-махҽк акуеит рҳәон. Акәасқьа
азганк акәымкәа, иаакәыршаны барҵала иҟаҵан. Акәасқьа
еихахаа, абааш шьапқәа ирықәгылан. Бзанқыҭ Ахыуаа
рҿы, Кәаӷәаниа Кәасҭа икәаскьа ахышәара-ҵышәара иацназгоз, даҽа кәасқьа еихых-еиҵыхк џьаргьы иуԥыломызт.
Адура мацара адагьы, Кәасҭа Кәаӷәаниа дуаҩ наган, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, акыр здыруаз, акыр збахьаз,
акыр заҳахьаз, ақыҭаҿы моу, анҭыҵгьы еицырдыруаз аԥсуа
хаҵа еибага ззырҳәоз иакәын. Ақыҭаҿы абарҭ уаха иаҭааз
асасцәа дахьқәа рҩызцәа анымҩахыҵлак, Кәасҭа, мамзаргьы Ҟача Кәаӷәаниа иҩнаҭа имҩахыргон. Убри азоуп,
ҵангьы-мцынгьы изҿырхасҭамыз, уахатәи ҳасасцәагьы
абрахь изымҩахыргоз.
«Аԥсуа данԥагьаха аџьмацәа амагә иӡахит!» – шырҳәо
еиԥш, Кәасҭа ду иҵашьыцқәоз, зыбз иафоз шьоукгьы дыб­
зызгақәоз, дхьыӡзыртәқәозгьы ыҟан.
«Баашгыд, еишәа кьаҿ Кәаӷәаниа Кәасҭа!» – рҳәеит. Аха
урҭ зегьы уажә иабаҳҭаху. Зегьы акакәын, Кәасҭа, ду, Кәасҭа
ду шиакәыз даанхон. Аиҵашьыцра насыԥда, ҳара аханатә
аахысгьы, аԥхыӡ цәгьа еиԥш, иоуҳашьҭахымыз, иахьагьы
иҳацрыҵуам, еиҳагьы имжьыжькит…
… Уаха артистцәа ахьықәгылози, ҳара ҳахьынхоз Ашацәа
ртәарҭа Тур ихәи ҳабжьара шьахәа-шьаҿа ҳабжьамызт.
Ҳхәы уахьынхшәоз, арха акаршәра агәаҵаӷара аҿыҵәҟьа
игылан Кәасҭа ду иҩны.
…Ауаа шеизара еизахьан Нури сареи ҳаннеи. Анаара, «Ажәытәра иагаз» зыхьӡыз, Ӡаӡ Дарсалиа ипиеса
зныз афишақәа, нбан ҟаԥшьыла, еихҳәа-еиҵҳәа ашҭа
аҵыхәаҿы ара ду игылаз агәаҵаӷара аҿыҵәҟьа икыдын.
Амрагьы ҵлакашәара ажәҩан акалҭ иныҵаӷәӷәахьан. Уажә
избо џьысшьоит, ацә ҵыхәақәа, ахьы шәахәақәа реиԥш,
мраҭашәара агалуан ҵдырхаауан. Нахьхьи, нахьхьиӡа, арха
еихҳәа-еиҵҳәақәа ирыхчынгаз, хәылбыҽхатәи ашәаԥшь
зҿалашоз, ашьха сыԥса еиҩырҿақәа, абыржәымзарабыржәы, еилацәқәырԥо, еилаарцыруа, асыршҩы мцабз
шкәакәа ҩархыҵәап угәахәрын.
Ажәҩан иналшәаз ашаеҵәа еиԥш, амшыни ашьхақәеи
рымҵәыжәҩа иҵаршәыз Ахыуаа рҳабла илнакаауаз алакә сахьахәыра, еиҭаҳәашьа-еиҭаԥсашьа амамызт.
Усҟан, ҽеишәа исызгәамҭоз абри Ахыуаа рҳабла аԥшӡара,
абыржәы сгәалашәараҿы лакә цәымзаҵас иналԥхеит…
Абыржәымзар-абыржәы Кәасҭа ду иашҭа иҭалараны
иҟаз ҳартистцәа ирзыԥшны еилаӷәаа, ашҭа ықәырҭәааны,
иакәшаны итәан, згәаҳәареи згәырӷьареи хышхыҵәоз
хәыҷи дуи Ахыуаа.
– Урҭ, уаха абра ҳахьтәоу шәцәажәара исгәаланар­
шәаз, сабду Шәлиман ԥсаҭа-шкәакәа иажәабжьк, шәлымҳа
аҟынӡа иназгар сҭахуп, срацәамхозар! – иҳәан, иҽеизигеит
атеатраа ирзыԥшыз, ҵангьы-мцынгьы ацәажәара зыцизышәи ирықәзмырххуаз, аганахьшәа итәаз, зуаҩыбжара
инахахьаз Мураҭ.
– Уқәақәра згааит, Мураҭ бзиа! Ҳасасцәа рааирагьы ушьҭа рацәак бжьам. Уҳәа-убыз Анцәа еицоумкын,
ҳаузыӡырҩуеит! – иҳәеит, зарԥыс цәыцәымҭа иҭагылаз,
арԥыс наӡа-ааӡак, иҽаарзажәшәа, иажәақәа ихыҳәҳәо.
Еикәшаны итәазгьы еиқәыӡырҩит:
– Адунеи зыхҭырԥажә еиԥш, амҳәыр аарханы, ахааназы ҳәа, зарӷьа џьыба иҭарҵахьоу Анцәа аӡәгьы димшаӡац,
– ацәажәара дналагеит Мураҭ. – Дажәгәышьеит, мышкызны,
адунеи сақәлахоит уеизгьы-уеизгьы ҳәа игәыӷуаз ауаҩы.
Дажәит, дажәӡеит неихыркәа имамкәа.
Ҽнак, зынӡа згәы кыдгылаӡаз имаҭа ишыц шьышьыга
ааиҵеиҳәан, иабду днаганы ашьышьыга днаниртәалеит.
Аҭаҳмада имаҭа игәы иҭеикыз еиликаагәышьеит, аха
иԥшнымҵакәа, ҽыргаӡа ҟаҵаны, ашьышьыга дантәалан.
Амаҭа ашьышьыга еиҵаҳәаны иргылахьаз иантәалаз
иабду дааиазқәынҵа, уаҳагьы аӡәы дааизыбзиамхаӡакәа,
агәашә дынҭыҵит. Аҭаҳмада зегь ибон, зегь иаҳауан. Аха,
сабоуго-сабаауго ҳәа, амала хазгьы иԥсы иахмырзааӡакәа,
«слахьынҵа ус иҟазар акәхарын» ҳәа, иҽырҭынчны ашьышьыга дантәалан.
Дцон амаҭа абнаршәыра агәы аахәаны. Уи усҟан
дгьыли-жәҩани рыбжьара иара изыҳәан аԥсра ыҟоуп,
иара изыҳәан мышкызны, алаӷырӡ анышә абылуеит, иара
изыҳәан абза гәырҩа, ԥсы гәырҩахоит ҳәа, имашәырынгьы
дазымхәыцызт. Иахьа дызҵало иабду игәнаҳа хыхшьа шимамыз, иабду иҳақ имцабз қьоуқьадха, мышкызны ахраҭ
ишиԥылоз дазхәыцӡомызт.
«Дад, ауаҩы дҳәахарц иақәикыр, Аԥшхыц аҵкыс
деицәахоит. Ихы азеишақә иангьы длеигӡом, уарҭ –
иабдугьы!» – рҳәон ҳабдуцәа гәышьақәа. Аха урҭ акгьы дазхәыцӡомызт аҩысҭаа дызхарахаз, анра-аԥара,
абра-аԥара ӡқәыӡыз, мышкызны зыбаҩ-зышаҩ адгьыл
изаламгылакәа, зыԥсыгага гиуа адунеи иқәлараны иҟаз
ауаҩытәыҩса…
Дцон амаҭа абна агәы аахәаны. Акызаҵәык, ихы
дақәиҭны, иԥсы дақәиҭны, ихала заҵәык, адунеи ахаарабзаара алачара, алахәмарра акәын уажәы хәыцырҭас имаз,
гәыӷырҭас имаз.
Ҿиҭӡомызт абду, ҿиҭӡомызт амаҭагьы.
Ажәҩан хымааҿ Амаалықь аҳәҳәыҳәа илаӷырӡ каԥсон.
Амаҭа изгәамҭаӡакәа адгьыл иҵӷәасон.Аамҭа изгәамҭаӡакәа,
дзықәгылаз адгьыл аххаҳәа иҵблаауан. Ааи, изгәаҭаӡомызт
уи иабду иҳақи идоуҳаи рылԥха имаҭа имҩа арлашарц,
иқәиҵаз агәнаҳа ԥырхагас имоурц, абду Анцәа дышиаматанеиуаз. Имаҭа Анцәа даҭанаимҵарц азыҳәан, абду Анцәа
иҿаԥхьа ишьамхы ахьаирсуаз.
Ашьыбжьышьҭахь, алеи-аҳәеи ирҳәозар ауаҩытәыҩса
ишьҭамҭа ахьнанамгацыз, ухы уҩаханы жәҩангьы иаҵәара
ахьубарҭамыз, адгьыл иақәлаз, икәашхахьаз, гәырҩеигәаҟреи рышаҳаҭи, ршәаџьҳәаҩи аџь еихажәаа амҵаҿы
ианнеи, амаҭа иабду дзынтәалаз ашьышьыга днаҵаҵны, аџь
амҵа инаиргылеит.
Абду иҵаашәшәалахахьаз, илақәа даарҩахан, имаҭа
днеиҿаԥшит. Ахаҵа игәырҩа, ци-шәи ирыбжьнаххьаз абду,
ихы-иҿы аацәеи-цәыԥсын, ахаҳәыршәыра-ишәырахан, иҩнапыкгьы ажәҩан инаҵакны, абас ҿааиҭит:
«Сара иахьа уажәраанӡа, ишкәакәаны исфа, еиқәаҵәаны
исфа, схәы сфахьеит, схәы згахьеит. Зылԥха ҳаура сызнугаз сыԥсҭазаара амҩа наҩагьырак аныскаауам. Иаарласны, џьанаҭ тәарҭас-гыларҭас ишсоуа здыруеит. Издыруеит
игәҩарамкәа, «ҽеи ԥсышьа зауа, ҽеи тәарҭагьы шиоуа!».
Суҳәоит, зылԥха ҳаура, гаӡарала агәнаҳа иаҵалаз смаҭа
даҭоумҵарц!» – абду Анцәа иашьапкра дшаҿыз, амаҭа
ажәакгьы абду инеигәықәымшьӡакәа, иабду зегьы збарҭаз,
цәгьеи-бзиеи ирхааныз, абӷьыхәа зҿашьшьы игылаз аџь
амҵа днаиртәан, аԥхыӡ цәгьа имҵанарсыз ауаҩытәыҩса
иеиԥш, иҿынеихеит. Ҳамҭак абду илаԥш гәыкы-ҵәыкуа
имаҭа дизыԥшуан. Аха амаҭа уаҳа ишьҭахьҟа дхьамԥшӡакәа
дцон…
– Ҳамҭак уҽаанкыл, дад! Ҳаиԥырҵымҭаз жәаҭынхақәак
наушьҭасҳәар сҭахуп, – иҳәеит, абду иаалырҟьаны. – Дад
дукәхшоуп, иҵәымыӷхахьоу ҳәа аӡәгьы дҟамлаӡац. Зегьы
лахьынҵак-лахьынҵак, ҿҳәарак-ҿҳәарак Анцәа ирзишеит.
Аира зшаз, ажәрагьы ишеит, дад, аԥсрагьы ишеит. Уаргьы умцахара еиҿазкша амаҭа Анцәа дуаҭәеишьап. Ара сара иахьа
сшааугаз еиԥш, уажәымҭазы умаҭа уаргьы уааигоит. Ашьышьыга сара сызлааугаз, ара иаанумыжьын, дад дукәыхшоуп.
Уаргьы ушлеи-уқәи анааилаҩҩлак, мшы хьанҭак аҽны,
умаҭа уалааигоит. Уахь ига, дад, уахь ига! Убри аҽны иухыу­
хуеит, дад, гаӡарала узҵалаз уабду игәнаҳа! – аҵыхәтәан
абарҭ ажәақәа ажәа ҭынхақәа абду имаҭа инеихьигӡеит, –
иҳәан, Мураҭ иажәабжь аҵыхәтәажәа неиқәиҳәалеит.
Мураҭ ашьышьыга атәы иҳәеи-уажәи рыбжьара шәым­
ҭақәак аабжьымсыцкәа, асасцәагьы ашҭа иааҭалеит.
– Абар, ҳартистцәагьы ааит, ҳартистцәагьы ааит! –
рҳәан, ахәмарцәа ирзыԥшны итәаз ажәлар, аӡхыҵреиԥш
ргәырӷьара ҵҩадаха иааилаҩҩит!..
…Убри аухатәи ахәылԥаз, хәылԥазык еиԥшымызт. Еизаз Ахыуаа ргәалаҟарагьы, гәалаҟарак еиԥшмызт. Убри
ахәылԥаз аԥсабара аԥшӡареи, хәыҷи-дуи рхымҩаԥгашьеи
ааицамкӡакәа, ацәашьы иаҵәа еиԥш иахьагьы сыбла ихгылоуп. Ах, анаџьалбеит, насыԥ шкәакәа рыманы рхы
шԥарыԥхьаӡоз убри ауха еизаз Ахыуаа рыҷкәынцәа,
рыӡӷабцәа.
Сара аԥсра сақәгәыӷуан акәымзар, уаха артистцәа
Аҟәантәи иаанӡа, аҭаҳмадцәа, џьара, лакәк, жәабжьк, цуфарак, ҵысбызшәак, жәаԥҟақәак, ажәарццакқәак неимда-ааимданы ирҳәоит уеизгьы-уеизгьы ҳәа сгәыӷуан. Аха
ажәҩан иналԥрааз аԥеимбарцәа реиԥш, еиқәышлаҳәа
итәаз аҭаҳмадцәа рҟынтәи аӡәы ажәак неихәлымшәеит
Мураҭ ида. Алакәҳәара Ашацәа ртәарҭаҿы ес-уажәааны
сзышьцылахьаз, аиуа-зеиуоу рхабаргьы ахьысмаҳаз, сыла
акы амбо, сҿы акы амбо, артистцәа иаазгьы гәцәа сзырхамкуа стәан, адунеи аҵантәи, даҽа тәым жәҩанк аҟынтәи, даҽа
тәым дгьылк, даҽа уаак срылҵны, аӡәгьы сиеиԥшӡамкәа,
сбызшәеи, сқьабзи, сабдуцәа рҿаԥыц ҳәамҭақәеи,
наԥшыхақәгьы изымбацыз, исмаҳацыз аӡә иеиԥш сӡыхьԥсыхьха.
Ашацәа ртәарҭеи, Ахыуаа рҳаблеи шьахәы-шьаҿагьы
рыбжьам. Избан нас ҳара ҳҿы, Тур ихәы ҳашлақәа ирҳәо
жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәеи рбызшәеи реиуа, арха Ахыуаа рҿы изуԥымло? – иаалырҟьаны абри азҵаара сгәаҵа
неилнашьаа-неилнашьааит. Аха уи азҵаара зегь акоуп,
иаасԥырымшәаӡакәа, ицо-иаауа иԥсҭыхгаха ишсыдгьыжьылоз:
– «Гәаџа, Гәаџа сымҳәеи!» – Засҳан ибжьы ахьтәы кәасқьа
еихҳәа-еиҵҳәа ду абарҵа инықәҩит. Кәасҭа ду ихьатә
кәасқьа асцена снықәыԥшит.Ишьамхқәа еиқәыршәны
дтәан, кәымжәыла кабала еибыҭаз аҭауад Засҳан.
– Ҭауад сахьаҵәҟьоуп иныликаауа Леуарса мцахә азҳа!
– иҳәеит сыварахь итәаз, зықәра акыр инахахьаз быргк.
Аха аӡәгьы ажәак иԥсы иахимырзааит, зегьы рыԥсы ӡаны
иӡырҩуан. Уи абырг ииҳәаз аҭак анимаҳа, уаҳа мҳәакәа
иҽааирҭынчит.
Иҟаларын, саргьы Засҳан ироль ихәмаруаз аҭауад,
дымцәажәаӡакәа асцена даақәызбаар, саншьа гәакьа
дысзымдырыргьы. Аха ҩашьара зқәымыз ибжьы агәыргәыр анааихирга, дырҩа-дырҵәаҵәа, избахьаз, исаҳахьаз,
сзышьцылахьаз Леуарса Касланӡиа шиакәыз здырит.
– «Анаџьалбеит, Анцәа ҳазшаз игәарԥханы иишо, ауаҩы­
тәыҩсагьы, зынӡа дышԥаԥеимбаритәуеи, ламырбеиа иишогьы дышԥа маамынитәуеи зылԥха ҳаура!» –иҳәеит, сааигәа
итәаз уаҩасак.
– «Улаԥш цәгьазар, уџьам иануп. Убыз цәгьазар аӡыӡ
алоуп!» – сҳәеит, сыбжьы ныҵакӡан,Леуарса дшьыцигозу,
мамзаргьы дизыразны дцәажәозу сзеилымкаауа. – Гәы разыла, саншьа зегьы днарылкааны длаԥшықәуҵазар, бзиа
ҵыхәала Анцәа улаԥшықәиҵааит! – сҳәан, саргьы гәаныла
ныҳәаԥхьыӡқәак наишьҭасҵеит, уи ауаҩаса!
Апиеса «Ажәытәра иагаз» ароль хада ихәмаруаз Леуарса иакәын. Иаркы-ирцә ҳәа иарԥысцәыцәымҭа дҭагылан.
Ҭеиҭыԥшлагьы, алаԥш цәгьа ила ицәыиӡарын.
– Анаџьалбеит, Ашацәа ртәарҭа дшааӡаз мҩашьа­ҵә­ҟьо
ауп дшыҟоу. Шанагӡара Анцәа иуиҭааит, са сшамкәа сызшаз! Шьардын ԥеимбар ихшаз ус дҟамлакәа дышԥаҟалоз!
«Ара гәаԥшь, ара агәаԥшь авҵиаауеит!» «Аҽгьы жәлала
иҩ­уеит!» Ус Анцәа ишеит, ихьы шьаргәыҵа сакәыхшоуп!
– иҳәеит иразра иҿықәыҳәҳә абансшәа итәаз, ақыҭа ҟамч­
хәыла иалырхуаз Уарҭан Санӡаа.
Аӡә дубар, аӡә духашҭуан апиеса ихәмаруаз артистцәа.
Аха аӡәгьы диеиԥшымхеит, Гәаџа ироль назыгӡоз Самсон
Кәабахьиа. Убри ауыха инаркны, Гәаџа ихьӡ акәын ирҿакыз.
Гәаџа ииҳәаз, ииуз ҳәа акәӡан ҳәатәыс ирымаӡаз. Абас
Гәаџа ихьӡ аанхеит, иаанхаӡеит иахьа уажәраанӡагьы…
«Уца нас, иумуӡозар, Гәаџа иеиԥш унарца-ҩарцалап!»
«Гәаџа иеиԥш лабак ноухырҟьаргьы, уцәа иҭоугӡалап!»
«Гәаџа акыр илҵзар, уаргьы иулҵуеит!» «Гәаџа дгәаџоуп,
ихы ахәа алаԥсаны еихаӷәыла иусаргьы!» – Ажәакала,
Гәаџа ихьӡ ҵангьы-мцынгьы, ажәлар еимҵакьачаны аҳәара
иалагеит. Иахьагьы зыҽны Засҳан Гәаџа ихьӡ амшразы ианиҿыҵшәа инаркны, иахьа уажәраанӡагьы ахәыжә
амҟьаӡац, абҭәа канамԥсаӡац. Ахьа маҷиа еиԥш, иахьагьы
ажәлар рҿы ихьӡырҳәагахеит. Иахьагьы, уаҩага аахшәак
дааиуазар; «Абан Гәаџа дахьаауа!» – рҳәоит. – «Гәаџа даазар, ушьҭа аизарагьы ҳалагоит!» – рҳәоит, сажәыргьала изы,
ихыччашәа, датәамбашәа, аха ихьӡи-ижәлеи цәырымгакәа.
Убри апиесаҿы ихәмаруаз Леуарса Касланӡиеи, Самсон Кәабахьиеи ирҷыданы, ахәмарра иалахәын: Шәарах
Ԥачалиа, Ваниа Кәакәасқьыр, Минадора Зыхәба, Џьарнас
Амқәаб. Аӡәы ицәгьа иӡап, егьырҭ актиорцәа зегьы
сгәалашәом.
Изларҳәо ала, уи аҽны, Ахыуаа рҿы, раԥхьаӡа акәны
Аҟәантәи иааит аԥсуа театр. Убри ахәылԥаз иҟаз аланарԥ­
шыра иацназгоз агәырӷьара Ахыуаа рҭоурых аҿы
иҟамлацызт. Ажәлар ргәалаҟара ҵҩадан…
Амра аҭашәара ҩ-еихаӷәышәарак шагыз, артистцәа
рыхә­марра иалган, ашҭа агәҭаҿыҵәҟьа, аҽеимыртаӷа иқә­
гылаз ара ду амҵа, аҟәардәқәа ргыланы итәан. Ахыуаа
асасцәа ирыкәшаны игылан. Ақалақь уааи, ақыҭа уааи
реиԥылара, убысҟак еибарԥшӡеит, убасҟак еизааигәанатәит,
ҿыки-бзыки ирзымҳәоз ргәыблрагьы цәырҵит. Ажәытәиаҿатәи рабдуцәа, урҭ рабдуцәа, жәҩахырла иааргоз
ажәабжьқәа, ашьха ӡыхьқәа реиԥш, цәашьы иаҵәаҵас,
иҵхәрааны аҿаанахеит, аханатә аахысгьы аԥсуа хаҵа
ихацламҳәа зырԥшӡоз, аӡ-хьамԥш ахәараҳәа изыршуаз,
аҩы-жәлантәык ахҟа рыбжьызхуаз аԥсшәа.
– Ҳаҷкәынцәа, ҳахьӡырҳәагақәа, саашәыкәыхшеит!
Хашҭра зқәым иахьатәи ҳаиԥылара аиқәҳәаламҭазы, еизаз
Ахыуаа агәырҩа шәадмыргозар, аҳәара ҟарҵоит, аханатә
аахыс ари ҳагьыжьыра ҵасхәыс ирымоу, уаха ацәыргара
иаԥсымҭоуп, ада зҳәаз ҵасуп ҳәа исыԥхьаӡо. Убри ҳабдуцәа
рқьабз рҿыцны, шәымҩахыҵра аҳаҭыр азы еиҵаҳхар
сҭахуп!..
– Изакәхарызеи, Уарҭан, абриаҟара узыхӡыӡаауа ҳаш­
лақәа рқьабз ҳәа узҿу? – иҳәеит, Уарҭан иажәа анагӡаха
имҭакәа, зарԥысра ацәыцәымҭа иҭагылаз ҷкәынак.
– Аиеи, дад, сажәа сҽагәыласырхом. Ҳара Ахыуаа, аха­
натә аахысгьы абиԥарала иахьанӡа иаагаз қьабзхәыроуп,
бӷарҵахьы аиқәԥареи, махәҿала аиқәԥареи. Уеизгьы-уеизгьы иатәуп-иамаауп ҳәа исыԥхьаӡоит, аҳәарагьы ҟасҵоит,
ҳасасцәагьы, аԥшәмацәагьы неиқәыӷызны, уаха абри
ҳжәытә қьабз ргәаладыршәарц! – иҳәан, Уарҭан иҭыԥ аҿы
днатәеит.
– Уарҭан, уххь згеит, аринахысгьы, аҽеи аҵыхәала уҿы
еихыԥхьалааит! Анарцә акрыҟазар, Елызбари, Аслани,
Ҭаҭласҭани, Дауҭ ицәашьы иаҵәа анарцә ирзауркит. Абарҭ
зыӡбахә сҳәаз, сшьамхы иахысаанӡа ираҳауеит. Сара амц
ҳәарҭа сыҟоуп, дара аҵа ҳәарҭа иҟоуп. Абаҩҷыда злаз
урҭ аԥелуанцәа сара ҽеила сырхаануп. Аӡәгьы рызқәа
адгьыл еимырбацызт. Рԥыжәҩақәа неидҵаны, ҩыџьа
адауаԥшь­қәа анааиҵагьыжьлак, аргама, игәырҩамкәа ад381

гьыл зқәа­рышәшәон. Зыӡбахә сҳәаз, Анцәа игәарԥханы
иишаз арԥарцәа анааидыслалак, напхаԥса деибамыргацызт. Аа, уаха, убарҭ рабиԥара ахылҵшьҭра, ҟыбаҩлагьы,
баҩҷыдалагьы, ҭеиҭԥшлагьы ирыцназго ҳасасцәагьы ыҟоуп,
Ахыуаа рахьгьы иҟоуп. Саргьы аҳәара ҟасҵоит, уаха абра
Уарҭан зыԥсы зхеиҭәҳәаз ҳабдуцәа рқьабз бӷарҵахьы
аиқәԥара, ҩаԥхьа аиҵхара, жәытә-натә аахыс ҳаҭыр
ақәҵаны, еиҷаҳаны, ирԥшӡаны ишымҩаԥыргоз еиԥш,
уаха­гьы ҳаҭыр ақәҵаны ицәырыргарц ҳабдуцәа рқьабз! –
иҳәан, Уарҭан ииҳәаз абжьы неиҭеит, зышлеи-зықәи неи­
ла­шыҩкхьаз, мышкызны бӷарҵахьы аиқәԥаразы адгьыл
зызқәа адмырбацыз, еицырдыруаз абаҩ еиламгыла Ажьи
Капыта.
Ари заҳаз Ахыуаа рыҷкәынцәа, зыӷәра иаҵасуа, абыр­
жәымзар-абыржәы ишнаҵҟьара игылаз аҽыҩқәа реиԥш,
ргәы аҭра иҭамгыло, ргәамч нхыш-хыҵәеит. Уаха арԥарцәа
рыуа дарбанхаришь ақәԥара аҵәы зықәшәо ҳәа иԥшын.
Ари бӷарҵахьи махәҿалеи уаха ирҿыцны иаԥшьыргаз,
ишысҳәахьоу еиԥш, аханатә аахысгьы ҟазшьахәыраны иҟан.
Ҳаҷкәынцәа рзыҳәан, уи ҿыцӡамызт. Иааиԥмырҟьаӡакәа,
абас асасцәа дахьқәа анаҳҭаауаз, иалкаау аныҳәақәа
анымҩаԥыргоз; аимҵакьача, аҭарчеи, аҳәаҟьара, аҳәыҳәха
акныхра, аҽырыҩра, аҽырхәмарра, ҽыҳәҵәыла аидыслара, аҵәы еигәыдҵара, аиԥхныҩлара, аҵәыргыла ахыԥара,
қәсыԥа аԥара, ахаҳәырԥара, акьиан аихсра, ирҷыданы,
аԥхьа-ҭыԥ аман бӷарҵахьи махәҿалеи аиқәԥара. Убри
аҟынтә, аиқәԥара ақьабз уаха иҿыцҳҳараӡа иаԥшьыргаз,
жәытә-натә аахысгьы ахьӡ аман, ҳаҭыр ақәын, амилаҭ
ирҟазшьа мырӡган. Убри азын акәын, ҳашлақәагьы ақәԥара
лымкаала ахьӡи-ажәлеи зырҳәоз.
– Ажәа шәымоуп, дад, уаха ҳзыргәырӷьаз ҳасасцәа!
Шәажәа Анцәа иумырҩашьан, Анцәа еицоумкын. Шәахьы­
на­ҵыслак, шәаԥхьажәа анарха Анцәа еиҭааит! Шәабдуцәа
иаагылазаргьы, раԥхьажәа аҳадақь ихысуан, аҳадақь
иаԥхылнадон, ражәа ҭҟьара, хыҭҟьаран. Аԥхьажәеи, аԥхьа­
хәи есымша Анцәа иуаҭәеишьааит, есымша анасыԥ азы,
абзиаразы снацәа уқәысклааит, дад, уара аҷкәын еиқәтәаеиқәгыла саԥхьа итәоу, ҳасас дахь! – иҳәан, ҳартистцәа
днарыликааит, абри илоуп зигәохәуаз арԥыск! – Убри иа­
ҷыданы, Ахыуаа рыхьӡала, жәҩахкыла иалхразы иӡбахә
сҳәар сҭахуп, зымчи, збаҩхатәреи, зыламыси еицназго Леуарса Анҭиа. Ахыуаа, абри сажәалагала иақәшаҳаҭхап, иара
Леуарсагьы, уахатәи ҳгәырӷьара иалахәу, сҿы ԥиҽын ҳәа
сгәы иаанагом, – иҳәан, Капыта иҭыԥ аҿы днатәеит. Ажәлар,
сасгьы аԥшәымагьы неиқәыӷызны, Капыта аҳәара иҟаиҵаз
иазыразхеит.
Артистцәа раԥхьаҵәҟьа итәаз Аазиз Агырба, даагыла­
заргьы ишиҟазшьаз еиԥш рацәак даламлацәакәа, ақә­
ԥаразы асасцәа рганахь ала ихьӡ иҳәеит, Касланӡиа
Леуарса. – Аазиз иажәа инациҵеит абас: – Сара сгәы излаанаго ала, уажәраанӡа ицәажәоз уххь згеит, уаргьы ҳаргьы
дҳачхнысып ҳәа сгәы иаанагом. Абзиа аҵыхәала абас
инеиқәырццакны ихьӡ рҳәалааит, еицырдыруа ҳартист ду
Леуарса Касланӡиа! – иҳәеит, Аазиз, ивараҿыҵәҟьа итәаз
Леуарса илаԥш дныҵаикын. Аиҳабацәа иҟарҵаз аҳәара,
хәыҷык рхы қьан нақәырҵа-ҩақәырҵазаргьы, иаалакҩакзаргьы, аҵыхәтәан мап ацәырымкит Леуарсараа
аҩыџьагьы.
Аҵыхәтәантәи хәылԥ шәаԥшь зхьыршаз, Кәасҭа иашҭа
ԥшӡа, еихшәа-еизшәа агәҭаҵәҟьа иаақәгылеит ҩыџьа
адоумыжьхақәа, ҩыџьа аԥелуанцәа: Леуарса Касланӡиеи,
Леуарса Анҭиеи. Леуарса Касланӡиа уара Ухыуаатәуп ҳәа
иоуҳәар, иҿы иаимырҳәаргьы, ицәымӷын, иҭахӡамызт.
«Сара сахьиз Ашацәа ртәарҭа Тур ихәы даҽа дунеиуп. Даҽа жәҩанык, даҽа шаеҵәак иацырҟьахоуп. Убри
ашацәа ртәарҭаҿауп, сара сабдуцәа, аԥеимбарцәа рҳақ,
ҳақк еиԥшымкәа, рдоуҳа доуҳак еиԥшымкәа иахьыҟалаз.
Анцәа иумыршаҟь-шаҟьан Ашацәа ртәарҭаа рлахьынҵеи
рынасыԥи!» – абас иҳәон Леуарса Ашацәа ртәарҭаа
рныҳәаҿа анникылоз…
…Ашҭа иакәшаны итәан, ахәыҷы инаиркны ашлақәа
рҟынӡа. Еиҭасҳәахуеит, еихшәа-еизшәа ашҭа агәҭаҵәҟьа
иааидгылан, аҩ-еишьцәак реиԥш иаагәыдеибакылт. Леуарсараа аҩыџьагьы хырҭәагак еицҭырхызшәа, ҭеиҭыԥшлагьы,
шәагаалагьы хҭак еицҭарыԥсон, иагьеиқәлацәан. Ихәыҷы
аахысгьы еишьара деибаргон.
Ажәлар рыԥсыԥ шьҭыбжь рԥырхагахар ҳәа ишәаны,
аҭынчра ҿаҳа-ҿымҭра рҽалаӡаны, еиқәыԥшьыхаа итәан.
Уажәымзар-уажәы рԥыжәҩақәа анбеидырҵаришь ҳәа
иԥ­шын. Абри аамҭазы, аҩыџьагьы заа еибыҳәаны иҟаз­
шәа, ашҭа аԥынҵаҿы игылаз амжәаӷра еихаҳа инаҵа­
гылан, амахәқәа ааԥырыҵәҵәан, ацәҳар ахырхит. Итәаз
ауаа, иҟарҵоз змааназ, изызҳәаз рзеилымкаауа ирзыԥ­
шын. Леуарсараа ршьапқәа шеилырхра еилырхит. Ам­
жәа цәҳар иахырхыз ала реиқәа ашьапқәа ҿарҳәеит.
Убриаҟынгьы иаанымгылакәа, рыблуз ласқәа ршәырхит.
Реиқәа ахырҷарақәа рмаҟа пақәа нарыҵданы, инҭарсны
иааҿаҳәаны, рмахәарқәа риеҵәа жьышәқәа рцәа
иҭарҵәиуа иааидыслеит. Еибакит бӷарҵахьы. Шәымҭак
ахмырҵкәа, аҩыџьагьы наҟ-ааҟ шьамхыла иасит! Ашьац
цәдырҵәеит! Иунырыртә аргама адгьыл зқәарышәшәон.
Ажәлар рҽырзышьақәымкуа, иҟаларызеишь ҳәа иԥшуан.
Ашацәа ртәарҭаа Леуарса Касланӡиа диааир рҭахын. Ахыуаа, Дӷамышь нырцәааи, Леуарса Анҭиа диааир рҭахын.
Бжьыда-шьҭада зегьы рыҽкаршәны «иӡырҩуан», аха дасу
рцәаныррақәа рхы-рҿы иаҭиуан. Аамҭацқәа наскьон
ихаҳәраҳатәха. Наҟ-ааҟ инышьҭас-ҩышьҭасуан, аха аӡәгьы
адгьыл дизарбомызт.
Сара ибзианы издыруан, Леуарса «уаҳәқәҵа» ҳәа
дзышьҭаз, аҵыхәтәанынӡа ихы иаимырхәоз амаана. Убри
«амаана» анбаҟаиҵаришь ҳәа сыԥшын. Сгәы аҭҳараҳәа
иҭыҵны ицон…
Леуарсараа рԥыжәҩақәа реидыкшалабжь, игәҩарам­
кәа, аргама иуаҳауан. Аҵыхәтәан, абни аҵыхәтәанынӡа
ихы иаимырхәоз амаана ҳәа сызҿыз, иаалырҟьаны,
мацәыс еимҟьарак иналагӡаны, иҟаиҵеит Леуарса Кас­
ланӡиа. Уи акәхеит Леуарса Анҭиа аҽаагеиха имҭаӡакәа,
дшақәымгәыӷуаз, ихы даамырхәаӡакәа, дшазыԥшӡамыз
дкаҳаит. Леуарса Анҭиа икаҳара згәы иахәази, згәы иалсызи
рцәаныррақәа неилаӡҩеит. Аха дасу ргәахәеи-ргәалси рхырҿы иандырԥшуамызт. Еиҭаҳәашьа змамыз ҭынчрахеит.
Ашьҭахь:
«Унацәкьарақәа узыцҳалакгьы, еиҟараны иухьуеит.
Ахыуаа, баба, еилых-еилаҵа дҳамаӡам, анахьгьы-арахьгьы, аҩыџьарагьы, инахәашьым-иаахәашьым ҳаҷкәынцәа
роуп!» – иҳәеит, аҭагылазаашьа шыхьанҭахаз гәазҭаз, ажәлар
рыжәпарахьшәа итәаз хаҵа ҟәыш еиқәтәа-еиқәгылак. Абри
аамҭазы Миха захьӡыз Дӷамшь нырцәтәык ахьшәҭҳәа
дҩаҵҟьан: – Хынтә еиқәԥароуп, хынтә еиқәԥароуп,
ииааиз-еиҵеиз гәҩарамкәа агәра агаразы. Убри иаҷыданы
ирҳәоит аханатә аахысгьы: «Хынтә еиқәымԥаз алаапк
рыцҳауеит!» ҳәа. Хынтә аиқәԥара ақьабз иацуп. Ус анакәха,
хынтә еиқәԥароуп, зегьы ирбо-ираҳауа! – иҳәеит, Миха,
хымԥада, даҽа ҩынтә еиқәԥар иҭахны. Аха Миха иажәа
химыркәшацкәа, Леуарсараа аҩыџьагьы рнапқәа ааимыхны игәыдеибакылахьан. Итәаз зегьы неицҿакны: «Ус
анакәха, уи иаанаго, жәытәлагьы-ҿатәлагьы, қьабзлагьы
еиҭахеит, напхаԥса дибамыргеит ауп!» – рҳәеит.
…Аҵыхәтәантәи ахәылԥ ԥсымра, хәылԥы галуан хнарҷон.
Амзаҿа иацгылаз раԥхьатәи ахәылԥы иаҵәа, ажәҩан хымаа
ишналыггара иналыггахьан. «Ҳар, ҳар, ҳар» ҳәа ахәылԥы
даӷьқәа ақыҭа рымҽхакны, анеихҳәаалара иалагахьан.
Аҵыхәтәантәи ахәылԥ-шәахәацк аԥсуа кәасқьа аԥенџьыр
ианыҷҷалоз, разныԥсаран еилаарцыруан. Насыԥла зхызгәы хыхәхәоз ҳартистцәа рмашьына, Кәасҭа ду ихьатә
кәасқьа ааныжьны, ашҭа ԥшӡа инҭыҵхьан…
…«Агәалашәарақәа, агәалашәарақәа! Заҟагьы шәха­
роузеи, заҟагьы шәааигәозеи!» – аҵанӡа саақәыԥ­сычҳан,
абыржәраанӡа сырҩышьны сызлаз сгәалашәарақәа рлакә
дунеи, аԥхыӡ ссир еиԥш, саалҵын, ҩаԥхьа Сибратәи аҵааԥс
снылагылеит. Аԥенџьыр инкылышәшәаз Сибратәи аԥша
насҿахәмарын, сыкәа-смаӷра инҭаҳәы-ааҭаҳәит. Сгәы
каршә, сыԥсы каршә сҽынеиҵыхны, иахьада сызқәымиацыз
скаруаҭ ҿыц снықәиеит. Сгәалашәарақәа рхи-рҵыхәеи
рынеидҳәалаха сымҭакәа, аттаҳәа ашә аӡә дасит.
Иаалырҟьаны, сгәы сҽанӡамкәа, инеиқәырццакнеиқәырццакны ашә асбжьы анга, уажәраанӡа сызқәыз
сгәалашәарақәа рдунеи, аиуа-зеиуоу акы аасызнымхаӡакәа,
инасымпыҵа уадышххырахеит. Раԥхьаҵәҟьа, гәынхәҵыс­
ҭала акәзаргьы, изқәысҵарыз ҳәа егьсзымдырит. Шәымҭак
аҟара, ашә иасыз иҭак ҟамҵакәа, сҳәалаханы саанхеит.
Абри аамҭазы, – «Аҩыза алеитенант, аҩны уҟоума? Сара
аштаб аҟынтәи иаашьҭу курсантуп!» – иҳәеит ашә иасуаз.
Убасҟан ауп ианеилыскааз, аштаб ахь ишсыԥхьоз. Адунеи
азна сеигәырӷьеит, имҩашьахуагьы агәра згеит, аԥырра
азҵаара аҵыхәала шакәыз аштаб ахь изсыԥхьаз.
«Умар Мқанба, иудысныҳәалоит, ҩаԥхьа уҩызцәа,
аԥырцәа рҭаацәара уахьынарылагылаз. Абри нахыс,
уахьныҵԥраа-ааҵԥраалакгьы
аԥшалас
умҩанызааит.
Дгьыли-жәҩани рдоуҳаи, рҳақи, рымшреи, рыҵхреи уцзааит, урыхьчалааит. Машәыр Анцәа иуқәимҵааит!» –
ныҳәаԥхьыӡыс иҟоу зегьы насыдныҳәаланы, снапы аан­
кыланы, ҳаучилишьче аначальник ҩаԥхьа аԥыррахь
дсыԥхьоит ҳәа анаасхәыц, мҵәыжәҩада ажәҩанахь
сзымԥрит, акәымзар, уаҳа егьсыгымхеит.
Аштаб аҟынтәи иаарышьҭыз акурсант, иаашьахаз, даа­
зышьҭыз, ирласны аначальник ескадрилиа Курдубов иҿы
ишнеитәу, уҳәа акурсант, ацҳаражәҳәаҩ ҳәатәыс имаз
зегьы насаҳәаны, дындәылҵны дцеит. Сара ари аҩыза
агәырӷьаҿҳәаша, уажәы-уашьҭан, абар-абар сазыԥшын
аҟынтә, зегь рыла сҽеиқәыршәаны стәан. Афицарцәа
рымаҭәа сгәазхара исшәысымҵацыз, спогонқәа еилаарцыруа, сыблуз шкәакәа сгалстук ақәҵаны, сеиқәа наҟ-ааҟ
акант иаҵәақәа зхыз, еиқәырҩызҵәаа иуанҭаны, икнаҳан.
Стуфли еиқәаҵәа самсалқәа ашьыжь ишысрыцқьахьазгьы,
сгәы иамукәа, иаарласны, ицыр-цыруа еиҭасрыцқьеит.
Алеи-аԥси рыбжьара сҽааилаҳәаны, акы еиԥшымкәа схысгәы ақәыбзиаханы, суада сындәылҵит.
Аескадрилиа аначальник Курдубов иҿы санааи, иҭыԥ
аҿы дысзыԥшны дтәан.
– Аҩыза аполковник, алеитенант Мқанба шәааԥхьарала
иааз сышәзыӡырҩуеит! – сҳәан, сарӷьа маҿа саргәҵысҭа
инадкыланы, сиашахәҵәаӡа саагылеит.
Аподполковник ашырҳәа дҩагылан, имаҿа иаргәҵысҭа
инадикылан:
– Утәа, аҩыза, алеитенант! – иҳәан, ивараҿ игылаз
аҟәардә инапы нақәикит. Курдубов есымшагьы, акур­сант­
цәеи, афицарцәа еиҵбацәеи рзы дхаан. Шьоукы-шьоукы
фицарцәақәак реиԥш, ихыжәжәа-ҿжәжәаны дцәажәа­
ӡомызт. Уи ус ҟазшьахәырас иман. Аха иахьа абжьааԥны
еиԥш акәымкәа, игәалаҟара ихырҵәо, гәык-ԥсык ала
днасылаҳәаҵеит!
Сара Курдубов иҟазшьа здыруан. Иуаҩреи, иҟазшьеи,
ихаареи, ицәажәашьеи, сара сзы иҿыцӡамызт, сзышьцылахьаз акәын. Аха абри ауаҩ иҽкаршәӡаны, убриаҟара длыбзҩыбзны дсацәажәон, ииҳәоз иажәақәа гәҩарақәак сырҭон.
Маӡак рыҵаҵәахызшәа збон. Аха ус еиԥш иаасыласуаз
ацәалашәарақәа рацәак нарха рымҭакәа, наҟ инасхысцон.
Ҩаԥхьа, аподполковник исиҭаз агәыӷра агәра згон.
– Иҟоузеи, аҩыза алеитенант ари абжьарак? Анкьатәи
угәалаҟараҿы узнеихьоума? Узлазбо ала, мшаҽны ушызбац, уеиӷьымзар-уеицәамкәа уҟоуп. Уи сара гәыкала
сеигәырӷьоит! – иҳәеит Курдубов, абжьааԥны еиԥш иԥш­
ӡара неихырҵәаны.
– Абарҭ зегьы шәымчала, сҽысымԥсахӡеит. Раԥхьатәи
амшқәа реиԥшҵәҟьа, аԥырра сгәы шаҳәац-иаҳәоит, аҩыза
аподполковник! – сҳәеит гәыкала, гәыҩбарак аҵамҵакәа.
–Аԥырра аус аҿы аԥырҩы зегьы дырзыԥшызароуп.
Ажәҩан аҿы, аҭагылазаашьа, шәымҭак аҩныҵҟа ина­лаг­ӡа­ны
аҽаԥсахыр ҟалоит. Аԥырҩы исыхьрызеи, сзықә­шәарызеи
имҳәароуп. Ҳаргьы ҳгәы иаанагомызт, уаргьы ухаҿы иузаагомызт, иаалырҟьаны уҳаирплан амотор амц аҳәап
ҳәа, амҩабжара иуҵанакып ҳәа. Аха иҟалеит арыцҳара,
хырԥашьа змамыз акәын. Аха ус ишыҟалазгьы Анцәа ду
иџьашьоуп. Ԥсҭбарада аҳаирплан адгьыл аҿы артәара улшеит. Аҳаирплангьы еиқәхеит, уаргьы Анцәа уихьчеит. Ажәҩан
анасыԥи, ажәҩан адоуҳаи уцныҟәеит. Анцәа иаҳауеит, уара
уҩызцәа аԥырцәа зегьы неигымкәа, иаҳҭахын, иҟалаз
ашьҭахь, уара, ҩаԥхьа уҩызцәа рҭаацәара уналагылар.
Акыраамҭа ҳацәгьеи-ҳабзиеи еилахәызар. Уеиԥш-зеиԥшу,
абаҩхатәра ԥсабарала излоу аҿар еиҵаҳааӡалар! Аха
амашәыр-машәыруп. Амашәыр ашьҭахьгьы, аханатә аахысгьы иҟоуп наваларҭа змам аԥырцәа рзакәан. Аучилишьче
аначальник, агенерал леитенант Белов напхгара ззиуа,
уажә аакьыскьаӡатәи аилатәараҿы, акомиссиа хықәкыла
иалацәажәеит аԥырраҿы уааныжьра азҵаара. Агенерал Белов инаиркны, зегьы ирҭахыҵәҟьан уара уеизгьы-уеизгьы
аԥырраҿы уаанхара, аха егьа инахыкәша-аахыкәшазаргьы,
ишысҳәаз еиԥш, аханатә аахыстәи аԥырра азакәан взышьа амоуит. Аха уара уақәшаҳаҭны уҟалозар, еиуа-еиԥшым,
егьырҭ аҳаирпланқәа рзы аусқәа рынагӡаразы аучилишьче аштаб аҿы уаанрыжьырц рыӡбеит. Мап анакәха, егьа
иаҳцәыуадаҩзаргьы, егьа иаҳцәыхьанҭазаргьы, аԥырра
азанааҭ аанужьыр акәхоит. Иуҭахызар, аханатә аахыс
узышьцылахьоу, иуҵахьоу, иубахьоу, иуаҳахьоу аусқәа
рынагӡаразы аштаб аҿы уаангылоит. «Мамоу, сара макьана
сқәыԥшуп, сыԥсҭазаара амҩа ылсымхӡац, сҵара иацысҵар
сҭахуп. Раԥхьа напы зласкыз азанааҭ маншәаламхазаргьы,
сыԥсадгьыл ахь схынҳәуеит» уҳәозаргьы, гәык-ԥсык ала
иузеиӷьасшьоит анасыԥи, аманшәалареи! «Курдубов
гәаар­­тыла, ԥсы аартыла сацәажәара даҿын, аха аҵыхәтәан
ииҳәоз саҳаӡомызт. Хысбжьҵас сгәеисыбжь саҳауан. Сыхдырра сцәыӡуама, анаџьалбеит сҳәартә схы-сгәы еилаԥсон.
Ак сҳәақәар сҭахын, аха схацламҳәа еибагомызт, сажәа
сагәылахеит. Ҿымҭӡакәа, Курдубов истол шәымҭақәак санаахаха:
– Мқанба, уара уҿымҭра сара зегьы санаҳәоит. Сара
уара ҽеилаҵәҟьа уеилыскаауеит, аха уаҳа даҽа мҩак
аныҟамла, даҽа цыԥхак анаҳзымԥшаа, уаргьы-ҳаргьы
ҳлахьынҵа ҳацныҟәароуп. Абыржәы аштаб аҿы, иара
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Ашацәа ртәарҭа - 23
  • Büleklär
  • Ашацәа ртәарҭа - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3232
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2131
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3273
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2117
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3329
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3315
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2183
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3290
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2232
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3276
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3313
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2219
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2209
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2143
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3283
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2201
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3300
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3307
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2214
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3134
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3249
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2178
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3223
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3199
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2051
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3275
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3202
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2199
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3231
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2138
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3271
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2219
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3268
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2180
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 2599
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1823