Latin

Ашацәа ртәарҭа - 21

Süzlärneñ gomumi sanı 3202
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2199
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Хьышьаш аӷәра наҿаҵаны, исыманы акәарахь сылбаан­
ӡа, агәашә иаԥырҵӡомызт, шьапхыцла адгьыл аҩуан, иқәырқәыруан.
Хьышьаш иара иахьынӡаҭахыз аӡыжь иаларгыланы, икәаба-ишьышьы ианаақәсыргылалак, аҽарҳа еиԥш,
еиҩаҳаҳа, иаазқәаршәшәаны, абжьы нҭганы еиҭа иаақәырқәыруан. Нас, агәы каршәны аҽанаарҭынчлак, снақәтәаны,
иара аԥсы злаз Ашацәартәарҭа адәыхәхәа ашҟа аҿынана­
хон. Уажәы адәыхәхәа ҳазааигәахо ҳаналага, сгәалаҟара
аабжьысит. Избанзар, Хьышьаш наҵҟьан, икахәхәа адәы­
хәхәа аҽықәыршә ианыҩлак, исызгәаҭаӡомызт. Убас,
амацәаз аҽкыларшәаны ицон, абӷа ҵысӡомызт. Ауанҭа
еиԥш иҭынчын, аҽы сақәтәазу, сақәтәамзу сызгәаҭомызт.
Адәыхәхәа аҵыхәаҿы аӷәра анааҿасырххлак, иаангыларц ианаахыс-хыслак, Хьышьаш абӷа сыҽсзахамккәа,
снахыҩр­ны скаҳауан. Абас сыхьуан есымша. Уи ауп уажәы
адәыхәхәа ҳазааигәахо ҳаналага, сгәалаҟара зыбжьысызгьы. Аха сгәы аасырхаҵан, сҽааизганы, адәыхәхәаҿы
ҳанаакылшәа, «чоу!» сҳәан, Хьышьаш аӷәра наҿасыкшеит.
«Аат, ари заҳаз сара соума!» – аҳәан, Хьышьашь
насыҵԥрааит. Ицон уи ԥша ласшәа акаршәра аҽықәҵаны.
Саргьы шәымҭақәак аԥша сацԥыруазшәа, слымҳақәа
ҵызхуаз аԥшазаҵә абжьы акәын.
Адәыхәхәа аҵыхәа ҳанналагыла, ашьшьыҳәа аӷәра
наҿаскит. Хьышьаш абжьааԥны еиԥш «сҳәатәы» иахым­
ԥакәа, аҽааиқәнаҳәалан, иаангыларц иаахыԥ-хыԥит. Уи
акәхеит! Сҽыбӷа сҽысзахамккәа, егьа смадаӷь-мада­
шәазаргьы, Хьышьаш снахьыҩрын, абжьааԥны еиԥш, ахә­
да сныҵаҳаит. Хьышьаш иадсымбалацыз, иааӡыӡымкын
«ахырр» арган ашақә иасит, аха уаҳа иаасхымԥаӡакәа
ашьшьыҳәа иаасхагылт.
Ари знык акәымхеит, ҩынтә акәымхеит. Хьышьашь аҽеи­
ҵыхны ианыҩуаз, сҽыбӷа сҽахаскуан. Ихыс-хысны ианаангылоз акәын, сыҽсзахамкыкәа снахьыҩрны санкаҳауаз.
«Аҽгьы ауаҩытәыҩса ишьа алоуп, дад!» – сабду иа­
жәаԥҟа ҩаԥхьа аҽаасыкәнаршеит. Хьышьаш џьаргьы
инеиҭамҵӡакәа исхагылан.
Аҩнынӡа ҳнаӡарц шә-ҽышьахәарк аиҳа бжьамызт.
Алахь аасшьшьын, уаҳа сақәымтәакәа, аӷәра аҿы ианкны,
аԥхьа снагылан, сҿынасхеит…
Есыф иазыҟаиҵахьаз ҳҽыҩ, адәыхәхәа гәхьаанагон.
Уаҵәы мшаԥын. Ашацәа ртәарҭа адәыхәхәаҿы аҽырҩра
ду ыҟан. Есыф раԥхьа днаргыланы, зегьы агәра ганы ҳаҟан
уаҵәы Хьышьаш аԥхьахә шагоз!..Аҵх агәы шеиҩнашахьазгьы, егьшаеҵәамкәа, егьхәылԥы
еҵәамкәа, санышьҭалоз сԥенџьыр ахышә инылатәаз
аеҵәа, уаҳа иааиҭамҵӡакәа жәҩангәаҵа ишкыдлашалац
икыдлашалон. Убри аеҵәа, аԥенџьыр сналԥшны сылаԥш
иныҵызгоз ажәҩан икыдбыӷӷала икыдыз егьырҭ аеҵәақәа
зегьы реиҳа иҟәазын. Аеҵәақәа зегьы раҵкыс илашон. Убри аеҵәа инацәхыкны икыдыз ԥшь-еҵәак, аеҵәа
џьарсахьа ҩынтә еиҭаҵхьан. Егьырҭ аеҵәақәагьы уажәыуажәы инкыдԥрааны, ршәахәақәа жәҩангәы иныҵганы,
акаԥсара иаҿын. Аха абни сԥенџьыр илатәаз аеҵәа амзаҿы
иаццәырҵи-уажәи рыбжьара, иааиҭамҵӡакәа, сԥенџьыр
ахышәҵәҟьа илатәан, еиҳа-еиҳа еицраланы илашон.
«Уеиҵәахә уара иузгәаҭом акәымзар, есымша иуцуп.
Унарцәи-уаарцәи ирыбжьоу улахьынҵа амҩа арлашоит.
Уара уҟанаҵ уеиҵәахәгьы кыдуп, иухылаԥшуеит. Уиеҵәахә
анкыдшәо, дад, уԥсгьы ацҭашәоит. Убранӡа уеиҵәахә, уахьцалакгьы улахьынҵа иацуп. Иаауԥырымшәаӡакәа умши
уҵхи арлашоит!» – сабду уахык, ишәшьу иҵәцоу еиликаарц дахьындәылҵыз, ажәҩан днаҵаԥшны ииҳәаз иажәақәа
абыржәыгьы аккаҳәа слымҳа ааҭнашьшьааит.
Иҟалап, уахантәарак, иааиҭамҵӡакәа сԥенџьыр ахышә
илаԥхо аеҵәыш, слахьынҵа ашәахәац акәзаргьы. Иҟалап
уи аеҵәыш акы иаргәаҭеиуазар, исыхӡыӡаауазар, уаҵәтәи
сԥеиԥш сыҵанаҳәозар. Мамзаргьы, гәырӷьаҿҳәашак
сзаанацҳауазар, аха издыруада!..
Анаџьалбеит, абыржәы аӡы шыцәоу избар: – «Шәымҭак
иадамзаргьы сиеҵәахә абызшәа здыруа Анцәа сҟаҵа ҳәа
Анцәа сиҳәоит!» – абри сымҳәацкәа:
«Умыццакын, сымаалықь! Аеҵәа абызшәа анудыруа,
акаамеҭ аныҟало аҽны ауп!» – бжьык аацәеицәыԥсит…
Схәы-сжьы
қақаӡа
иҩеибаргылеит. Саахьаԥшит.
Сиеҵәахә ыҟамызт. Ажәҩан ӡы-мшын иналабахьан…
Абас, абыржәраанӡа сԥенџьыр ахышә илԥхоз сеиҵәахә
адунеи сшықәсыз исызгәамҭаӡакәа, сынҭаҳәахаа сыцәеит!
***
«Ауаҩытәыҩса сзықәшәарызеи имҳәароуп. Еиҳа ихыигәы алаҟаны даныҟоу ауп игәы аниҽаниҵаша!» – сабду
иҳәамҭа аасыкәҟьашеит. Ҵабыргыҵәҟьаны, ашьыжь сгылеит, сгәалаҟара гәалаҟарак еиԥшымкәан. Еиҭаҳәашьа змамыз цәаныррак саагәыҵанаҳәҳәеит. Сабду иҟәыш ажәақәа
анаасгәалашәа, сгәы нҭӡыӡааит. Аха иаасызцәырҟьаз
сцәалашәара нарха амоукәа инасԥырҵит…
Ааи, ауаҩытәыҩса исыхьрызеи имҳәароуп!.. Аха сара
ус еиԥш иҟаз ахәыцрақәа сырцәыхаран, ҿыц аԥырра аучилишьче иалгаз, зырԥыс цәыцәымҭа иҭагылаз аҷкәын,
сакәҵәҟьоуп ҳәа акәын сшыҟаз. Иахьеиԥш исгәалашәоит,
аԥырцәа рфицар маҭәақәа ҳашәҵаны, ҳчынқәа еилаарцыруа, ҳажәҩахырқәа ирықәҵаны ҳанаақәдыргыла,
ҳескадрилиа аҿы сааин, ҳашәара иҟаз асаркьа ахькыдыз
снаныԥшылеит.
«Анцәа иџьшьоуп! Аӡәыр насыԥ ссир имазар, сара
исымоуп! Ԥшралагьы сахьалагьы, баҩ ҷыдеи, баҩхатәреи
рыла еиқәшәоу, исыцназго даҽа ԥырҩык дҟаларушь?» –
ҳәа схәыцуан асаркьа сахьадгылаз. Усҟан машәырк сақә­
шәап, џьара снышьацәхыслап, слахьынҵа сеижьап ҳәа
имашәырынгьы сазымхәыццызт. Аха сара иабаздыруаз,
алахьынҵа шлахьынҵаз,сыгага сышзахымԥоз…
***
Аҽынтәи амшгьы сгәалаҟара еиԥш икахха иҟан. Аеродром аҿы ҳаннеи, «аквадрат» ҳәа изышьҭоу аԥырцәа
рҭыԥгьы, аҳаирпланқәа ахьыҵԥраауаз астартгьы дырхиахьан. Аҳаирпланқәа рышьҭԥраара азин рызҭоз, абираҟ
шкәакәа хәыҷы кны аҳаирпланқәа рыҵԥраарҭа афиниш
аҿы дгылахьан. «Аквадрат» аҿы ҳаннеи, раԥхьа ҳкомандир
ескадрилиа дысԥылеит!
– Еиҭа удысныҳәалоит упагон ҿыцқәа! Амала, суҳәоит,
иахьагьы азонахь уахьыԥруа, уажә ааигәа ишыҟоуҵаз
еиԥш, Аԥсныҟа сцоит ҳәа уаламган! – иҳәан, даасзыгәдуны
дааччеит. Курдубов аҽны, есымша еиԥш игәалаҟара бзиан. Агәыр-гәырҳәа даныччалак, иразра зегьы иччаԥшь
иалыхәхәон.
Даҽа сааҭыбжак ашьҭахь сара сакәын иԥыруаз. Сԥыруан
«еиҳаӡоу апилотаж» ҳәа изышьҭаз хә-фигәрак ахьыҟарҵоз
азонахь. Аҽны актәи азонахь исықәшәеит, урҭ афигурақәа
рыҟаҵара. Санкурсантыз еиԥш, аԥрышьа сзырҵоз ҳаинс­
труктор уаҳа аҳаирплан дсыцҭатәаӡомызт. Ушьҭа саргьы
сԥышәан аҟынтә сыгәраган. Амала, егьаумҳәан, аинструкторгьы акомандир ескадрилиагьы ишахәҭаз инасылабжьеит.
Сышьҭыԥраара аамҭа анааи, даҽазныкгьы инасылабжьан, аинструктор астарт аҟынӡа снаскьеиган: «Папутный
ветер!» – иҳәан, снапы аасымхны, аҳаирплан снақәиртәеит.
Сҳаирплан акәата еиԥш ахәда ҭыхәхәа, аҽыҩ еиԥш
иӡыӡымкуа, санбаҵԥраари ҳәа иԥшын.
Аԥырра сҽазыҟасҵаанӡа, ишахәҭаз еиԥш, ажәҩан иалаз
аҳаирпланқәа зегьы, досу иарбан зоназ иахьыԥыруаз еилыскааит. Ашьҭыԥраара сыҽшазыҟасҵара, сҽаназыҟасҵа,
аҽынтәи аԥырра мҩаԥызгоз амаиор Нестеренко: «Аԥырра
азин умоуп «иастреб» – иҳәан, астарт аҟынтәи ибжьы
слымҳа инҭаҩит. Астарт аҿы збираҟ хәыҷы кны игылаз
афинишиоргьы, иаразнак аҳаирплан злаԥыруаз амҩахь
ибираҟ наирххеит. Уи иаанагоз, ашьҭыԥраара азин умоуп ҳәа акәын. Аҳаирплан агаз нацҵаны сҿынасхеит.
Аамҭацқәак ирылагӡаны, аҳаирплан наҵԥраан аҳауа иналалеит.
Иахәҭаз аҳаракыра аҟынӡа санхала, «аквадрат» аҿы
итәаны, ажәҩан иалаз аҳаирпланқәа ирхылаԥшуаз амаиор Нестеренко адырра исҭеит, аҳаирплан иахәҭаз
аҳаракыра аҟынӡа сышхалаз. Сиҳәеит адҵақәа исымаз рынагӡаразы азин сиҭарц. Адҵа исыдыз, афигурақәа
рынагӡара санақәиҭитә, раԥхьа «спираль» ҳәа изышьҭоу
аҳаирплан ахаргьыжьра насыгӡеит. Убри ашьҭахь, «петлиа»
ҳәа изышьҭоу афигурагьы ааҟасҵан, аҳаирплан зқәала
аарҳәра саламгацкәа, сҳаирплан алҩа ҩахылбыбит. Убри
инақәырццакны амоторгьы аицәкьысра иалагеит. Аццакырагьы иагхаӡеит. Сзықәшәаз арыцҳаразы, аԥырцәа реиҳабы
Нестеренко адырра исҭеит.
« – Адҵа иумоу анагӡара уаҟәыҵны, аеродром ахь
ухынҳәы, аеродром ахь ухынҳәы!» – иаразнак адырра
сиҭеит.
Аҳаирплан аццакыра еиҳагьы иагхо иалагеит. Ишнеиуаз, амотор зынӡа аусура иаҟәыҵит. Ушьҭа аҳаирплан казмыжьуаз, амҵәыжәҩа иамаз аелеронқәеи, «хвостовое оперение» ҳәа изышьҭоуи заҵәык ракәын. Хә-градуск еиҳаны
аҳаирплан хурнаар ҟалаӡомызт, аҳаирплан ааҳәуан.
Иҟасҵараны иҟааз, аа-километрак ажәҩан салакнаҳан.
Аамҭагьы абылтәгьы анҵәара иалагеит.
Сывараҿы «апирапатрон» ҳәа изышьҭаз акнопка
снацәа нақәыскит. Уи акнопка, абас еиԥш аҭагылазаашьа
аныҟало, ада ԥсыхәа анамоулак,акәын уи «апиропотрон»
ҳәа изышьҭоу рхы ианадырхәоз. Убри акнопка ҟаԥшь
уанақәыӷәӷәалак, иҭҟьон. Аҳаирплан акабинагьы аатуан,
аԥырҩгьы акабина дыҭҟьаны ҵәҩанҵәыҟа, аҩада даршәуан.
Аҳаирплан ганха ицон. Аԥырҩы ипарашиут ааиртуан. Аха
сара уи акнопка ҟаԥшь схы иасмырхәеит. Аҳаракыра сызхомызт. Убри аҟынтә, сҳаирплан ахы ларҟәны аҽыларҟәра
салагеит. Анцәа иџьшьаны, сҳаирплан ахы снақәыӷәӷәан
ахь ихан, анарҳә-аарҳәра сықәшәомызт. Сҳаирплан аҳара­
кыреи, аеродроми сареи иҳабжьази еизибархомызт.
Аҳаирплан иаҳа-иаҳа аҽыларҟәуа, аеродром аҟынӡа иназ­
гартә аҭагылазаашьа сыман. Убас иагьыҟасҵеит.
«Еиҳа угәы аналаҟоу, убасҟан угәуҽаныз, дад!» – дгьылижәҩани ргәыҵыхны, сабду иажәақәа мшаҽнеиԥш, слымҳа
нҭнашьааит… Гәаныла сылахьи-сыџьымшьи аасџьарит!...
…Сҳаирплан амҵәыжәҩақәа мырҵысӡакәа, ашьшьыҳәа
аларҟәра саҿын. Еиҳа-еиҳа адгьыл ааигәахон. Сла­хьынҵа,
ахаци-ахәыци ирыбжьагылан, ашәеиқәа иалан. Аха сара
ушьҭа алахьынҵеи анасыԥи рызхәыцха сымаӡамызт. Адгьыли аҳаирплани, аҳаирплан иҭагылаз априборқәеи ракәын
сылаԥш зыкәшаҟьоз. Абри аамҭазы:
«Даара иманшәаланы улбааит, «иастреб!» убыс икыз
уштурвал!» – Нестеренко ибжьы насхагьежьит. Иахьагьы
исгәалашәоит, аӡәы ицәгьа иӡап. Сҳаирплан приборла, адгьыл аҟынӡа ҩынҩажәеи жәаба метра аиҳа бжьамкәа, адгьыл сазааигәахеит. Убри инаркны, еиҭасҳәартә еиԥш акгьы
сгәалашәом. Амала, Нестеренко исыҵеиҳәоз иажәақәа зегьы каххаа исаҳауан, иара исыҵеиҳәоз ала сыштурвал аус
асыруан…
***
Сааԥшит ашьжьымҭан. Акымзарак збом, акымзарак
сгәалашәом. Аарла сыблақәа ирыхгылоуп, аҵыхәтәантәи
сҳаирплан аҳаракыра ашәага априбор. Мацәыс еимҟьарак
еиԥш, иаасгәалашәеит сҳаирплан атәара ҩеижәеижәаба
метра реиҳа шнымхаз. Убри нахыс, акымзарак сгәалашәом.
Сыблақәа шаарту здыруеит, аха алашара рбаӡом. Аарла
сарма блаҿы лашарак ацәаара снахьыԥшит. Санааргаз,
сшааргаз, саазгаз, сахьыҟоу сахьану ҳәа акымзарак сзеилкаауам. Схы сыҩ-уаҩак ирымпыҵамӡо, бинтла иҿаҳәан.
Сааигәа-сигәа аӡәыр дыҟазар сҳәан, сыбжьы сыргарц
саахәыц-мыцит. Иаразнак амедицинатә еиҳәшьа даасхаххит. Убасҟан издырит арратә медицинатә хәшәтәырҭаҿы
сшышьҭаз. Абас сгәеилагара анааихыккоз аамҭазы.
– Черномазый, ты жив, слава Богу! – иҳәан, абни сызлак ицәыҵыԥшуаз даахгылеит ҳкомандир ескадрилиа Курдубов. – Иҟалаз уи ауп, – ацәажәара далагеит
ҳкомандир. – Уҳаирплан ҟазарала аеродром ахь ахы урхеит. Иашангьы, ианаамҭаз, аамҭа уцәымцакәа, аҳаирплан
хыриааланы аларҟәра иалоургеит. Алҩа иахылҵыз, амцабз ахь имиасырц азы иаҭахыз зегьы ҟауҵеит. Аҳаирплан
аҽыларҟәышьа аамԥсахӡакәа иуртәарц егьугӡамызт. Ихиааланы илеиуаз аҳаирплан ианаамҭаз иуыриашеит. Аҳа,
уашьҭа агьыжьқәа адгьыл инықәсуеит анаҳҳәоз аамҭазы,
учҳара уцәхыҵын, иаалырҟьаны уштурвал ырҭрысны уаахеит. Аҳаирплан аҩада хәбаҟа метра иуцәхалеит, атәара
иахьымӡеит. Амотор усгьы аус ауӡомызт. Аццакра енерциа
иамаз анынҵәа, аҳаирплан армарахь ихыԥшаалеит.Уаҳа­
гьы аҽаазмыриашакәа, армарахьтәи амҵәыжәҩа иқәҳаит.
Убригьы Анцәа иџьшьоуп. Амашәыр ду ҟаларгьы ҟалон. Аха
аханатә инаркны, змотор ыцәахьаз аҳаирплан амҩаԥгашьа
уақәшәеит. Иааркьаҿны иуҳәозар, аҳаирплангьы уаргьы
шәеиқәхара, уара угәымшәареи, уҟыбаҩи, иҟалаз арыцҳара
заа азнеишьа уахьақәшәази ирыбзоуроуп. Иудысныҳәалоит,
ԥсҭбарада џьалк уахьахыԥаз! –иҳәан, дҩагылан, бинтла
иҭалаҳаз схы днагәӡит.
Сара ажәакгьы сзымҳәаӡеит. Иԥхаӡа сӡамҩа инықә­кә­
рааит сылабжышқәа…
– Сара ари аҩыза арыцҳара амалахазгьы сазыԥшӡамызт.
Сзыцәшәоз, уажә ааигәа еиԥш, Аԥсныҟа уаҳцәыԥрыр ҳәа
акәын! – иҳәан, даахысамарҟәылын, игәарԥханы дааччеит!
…Ааи, ааи, ауаҩытәыҩса исыхьрызеи имҳәароуп! – абри
сгәаҵа инҭысҳәааит.
Хәылбыҽханӡа сҩызцәа цон, иаауан. Оумашәа иубаша,
иара «Батиа» ҳәа ҳзышьҭаз агенерал леитенант Беловгьы,
иразра ихыҵәо: «Ну, что черномазый? Все же неуспел в Сухум полететь да? – агәыр-гәыр ихырга, дааччан, инапы схы
инақәиҵеит. – «Ничего, до свадьбы заживет как положено»»
– иҳәан, уаҳа рацәак иҽнмырхакәа дындәылҵны дцеит.
Ишеилашәшәра еилашәшәит. Сҳаирплан артәара
аламҭалазы, сзынҟьаз сзынԥаз, сҳаирплан иартәашьахаз,
зегьы ҳкомандир ескадрилиа исеиҳәеит. Сгәы шсырҭынч­
ра исырҭынчит, аҳаирплан артәаразы аара сара иахь­
сыдрымҵаз. Уи моу, ԥшӡала сангылалак, жәамш аҩныҟа
ацара сақәдыргәыӷит.
«Абас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьаҿы, ԥсҭбарада алҵра
зегьы насыԥс ироуамызт, даара ашәарҭа ӷәӷәа сҭагылан,
аха аԥырцәа рынцәахәы духылаԥшит!» – рҳәеит аԥырцәа
зегьы неицҿакны. Уи сара амч ҷыда шсыланаҵазгьы,
зымҵәыжәҩа ԥҵәаз сҳаирплан анаасгәалашәа, сгәисылаӷырӡи неилаҵәеит. Аиаша уасҳәап, сызмахак ԥҵәаны
исыцрахазшәа, убриаҟара ихьаазгеит. Избанзар, уи сара
саршәахьан, саргәырҩахьан, саргәырӷьахьан, сарччахьан,
сарҵәуахьан, аха зегь акоуп, сҳаирплан ааигәа саныҟамыз,
ак сзымхо салагеит, игәхьаазго салагеит. Уимоу, ҵыск
адәынцара ақәыршәны избаргьы, имрыцқьакәа иаансыжьуамызт, сахӡыӡаауан.
Ҳамҭак ашьҭахь, ауадаҿы схала сааныжьны, скомандир
ескадрилиа Курдубовгьы, аинструктор Карцовгьы, егьырҭ
аучилишьче исыцалгаз афицарцәа-аԥырцәа ҿарацәагьы
аасхагылан: «Неволнуйсиа, «старик», все будет хорошо!» –
рҳәан, снапы аасымхны индәылҵит.
Схала заҵәык саанхеит ахәшәтәырҭа ауадаҿы. Ишылашьцара ианылашьца, ушьҭа усгьы аҳақьымцәагьы уахала
уаҳа иааиуамызт аҟынтә, абни ишиашаз сыбла ихыҷҷалоз,
икал-кало икнаҳаз ацәашьгьы, сахьышьҭаз снапы нагӡаны
исырцәеит. Иаразнак аҵәылашьца иаалашьцеит. Сызлак
икылыҳәҳәоз сынцәыҵыԥшын, хԥа-ԥшьба ҽышьахәар
еиҳа бжьамкәа, саԥхьа иҿаз аԥенџьыр сналыԥшит. Иара
аԥенџьыргьы, иззакәу сыздырам, иӷьӷьа-иӡәӡәа, «аӡы
агәыдыршыланы» ԥыраршәк кыдыршәылаӡамкәа «ишы­
ҟьан­тазыз» иҟан. Саагәырӷьеит. Иахатәи ахәылԥы иаҵәагьы,
шарԥы еҵәангьы, ишарԥы еҵәамкәа, сԥенџьыр ахышә
илатәаз, аеҵәа, уахагьы, ҩызара сызнауазар иудыруазеи,
сҳәан, сарма бла ҭаӡны излаҿаҳәаз ашьшьыҳәа, снапала
саанахан, ҩаԥхьа аԥенџьыр ахышә снылаԥшит.
Анцәа улԥха ҳаҭ, акы ахьырҳәо, хымԥада, акы ыҟазар
ҟалап. Иахьатәи сиеҵәышгьы, иҟьаҟьаӡа иаашаанӡа сԥен­
џьыр ахышә илатәаны саҷаԥшьон. Иҟаларын уи Анцәа
ишана, иахьа сзықәшәараны сыҟаз абозаргьы. Иҟаларын,
сзықәшәоз амашәыр ԥсҭбарада сшалҵуаз, бжьыда-шьҭада
адырра снаҭозаргьы. Аа, уажәы, иара иахьатәи слахьынҵа
аеҵәа, ирҩа-ирҵәаҵәа ахаҭа-ԥсаҭа акәзар ҟалап, уахагьы
сԥенџьыр ахышә илаԥхо! Иара уахатәи аеҵәыш акәзар
ҟалап, агәырӷьаӡи агәырӷьаҿҳәашеи ршәахәақәа каҵәо
исзаазышьҭуа!?
Схьаақәа зегьы схашҭны, ицәыҵыԥшуаз сызблак ааиха­­
мыр­сыӷьӡакәа, абни амаалықьцәа исзаарышьҭуаз сие­
ҵәа ашәахәацқәа сышрыхәаԥшуаз: «Уу, уу, уу!» –ҳәа аҵх
ҵәцашра иналаҩны, аты ҩар-ҩар абжьы слымҳа ааҭ­
нашьааит.
«Ҳаи, ашьашәы абжьныха уҭарцаԥхааит! Уабаанагеи,
абжь-жәҩанки, абжь-шьхаки угәыҵхны, атәым жәҩан са­
ка­раҿы? Сзықәшәаз арыцҳара иаҷыданы, еицәоу уаӷеи­
мышхарахарызеи уаха исԥубаауа? Сгәы иҭамыз, схы
иҭамыз, ашәышьханхыҵ, Тур ихәы, Ашацәа ртәарҭа аҵх
иазынсыжьыз,уара амышьҭацәгьа абранӡагьы усышьҭа­
ланы уаама?
Иахьа ашьыжь шара исзаанагаз арыцҳара анаҩыс,
уаҵәтәи амш азгьы шәиԥхьыӡк шсышьҭоу адырра суҭома,
уара акьу мышьҭацәгьа, аты ҩар-ҩар?» – сцәа-сжьы ҩас­
хибаҳәан, сгәы сынҭаӷызит…
Аҵх ԥшьшьала ацгәы шьаҿа еихго анаскьара иаҿын.
Ҩынгьы-бнагьы сахьцалакгьы исыцыз сиеҵәахә, аҵх ишналыггаз, сԥенџьыр ахышә инылатәаз, уаҳагьы иааиҭамҵ­
ӡакәа, ақәаршҩы еиԥш, ашәахәақәа агәыҵыршо суада
иҩнаԥхон.
«Ушареи уԥхареи ҳзыбзиахааит!» – сҳәан, сылахьисыџьымшьи аасӡатәит. Иаасыкәыршан зехьынџьара, хәыҷыхәыҷла ӡ-ҭынчра иҭынчрахон.
Ахәыцрақәа рыцәқәырԥақәа сышрылаз, исызгәамҭа­
ӡакәа, сыбзиараҿы исыцыз, сыцәгьараҿы исыцыз, сыԥсы
ахәага ҭанаҵы исыцгәырҩоз, исыцгәарҵуаз, исыцгәарлоз,
саныԥсуагьы исыцыԥсуаз сгәалашәарақәа рӡыхшьах
насхыҵәеит…
***
…Шьыбжьаара шьахәа-шьаҿак агымкәа, ҽуаҩ хаҵак
ҳашҭа дааҭалеит. Иааишьа злаҟаз ала, бзиак аҵыхәала
дшымҩахыҵыз гәоуҭаратәы иҟан. Аха сабду иԥшнымҵакәа
днеиԥылан:
– Бзиала уаабеит, уҽыжәҵ, ҳаԥшәымаз, уххь згеит! –
иҳәан, иҽы аӷәрагьы ааникылт сабду.
– Сҽыжәҵуам, сааукәыхшеит, сшәаџьҳәаҩуп. Кәакәаа
Џьарма идунеи иԥсахгәышьеит. Иааиуа асабшаҽны
изқәаҭыԥ анышә иамардоит! – иҳәеит, ашәаџьҳәаҩ деи­
шәара-еиҵараха. Абри аахыс, абзиаразын ачара ҳәацәа
уашҭа иҭалааит! – иҳәан, днеикәҟьашан, ашҭа дынҭыҵны
дцеит ашәаџьҳәаҩ.
Ихьзеи, анасыԥда, дызгазеи, даазгазеи, иԥсышьахазеи?
Акыр ҵуама аиарҭа дамазижьҭеи егьи ҳәа, сабдугьы
дымҵаа-ԥшаакәа, даахынҳәит, аха рацәак ишхьааимгаз
гәасҭеит.
«Уԥсаҭа алажәқәа ахаццааит! Уара уахь иуҭыԥижьҭеи
акрыҵуан, аха «аарцәы ирҭахым, нарцәгьы дырҭахым!» –
иҳәеит ибжьы ныҵакны…
Саргьы усҟан, нырцәи-аарцәи рыбжьара, жәабаҟа
нымҩа аԥҳә бжьызгартә сҟалахьан. Ушьҭа ацәгьеи-абзиеи
рҿы снеиртә-сааиртә аҟынӡа сҩеидасхьан.
– Уҩызцәа урыцца, дад, уаргьы аԥсрахьы. Ԥшӡала зыҩны
зчамҩахә ҟалаша, уабгьы дыҟам аҽакым… Иара зажәымҭа
аӡахәаш ахадырҳәышагьы дуаҩымызт, акәымзар, еиуаракгьы ҳабжьан. Уаргьы ушьҭа ухәыҷым, уҩызцәа уаарылагыл! Иара дҽеимзаргьы, уаб дыҟазар ихәҭаз, уара иҟаҵа!
– иҳәеит, сабду, аԥсыжра мышк шыбжьаз.
Сара ацәгьеи абзиеи рҿы сныҵыҵқәахьан, аха ааигәасигәақәак рҿы акәын. Ас, ԥыҭк ахьынабжьаз ацәгьараҿы
сымнеицызт. Сан лнапала исзылӡахыз сбырфын блуза
шкәакәа, наҟ-ааҟ аџьыбақәа аҳәынҵәра еилаҵа ахаԥақәа
аҿаԥсаны, схацламҳәа иааҵагылоз сыблуза ахәда
ҵрыԥхааны, аҵәца еиԥш, инасшәысҵеит. Ҿыц асырҭы
иаҿылхыз, убригьы сан «Азингер» машьынала иқәкааны
илӡахыз ашуқьаҭ иалхыз аԥсуа еиқәа, ақардуаг аҵхны,
исыҩ-сыҩуа ауанҭа аҿы иарганы инасышьасҵеит. Жәаҩа
хы змаз саԥсуа разны маҟа чаԥа насымӷасҵан, сышәшәашәшәо санаақәгыла:
– Уааскьеи, нан, да цқьа снаухәаԥшыпи! – лҳәеит, сан,
лыбжьы сабду иаҳар ҳәа дшәаны. Сара избон сан иҵегь
днасылаҳәаҵар шылҭахыз, аха сабду абарҵаҿы дтәаны
аткьац ахьиршьоз «дылзышьҭыхуамызт!» Саргьы адунеи
азна сеигәырӷьан, сан абри лымҳәацкәа, ахьшьыцба еиԥш
сналымҵаԥрит.
– Ибзиоуп, нан, ԥшӡала архаха Анцәа иуаираӡааит,
анра-аԥара зшаз! – лҳәан, лнапы аалыргьыжьын, лхы
инадылкылеит… Нан, Ҳаҳ иҟынгьы унеины уҽирба, игәы
ҟанаҵап, аныҳәаԥхьыӡқәагьы укәа-умаӷра инҭеиҳәап! –
ҳәагьы нацылҵеит. Саргьы сан лажәа ҩбамтәкәа, саԥсуа
маҭәа саҵаҽырбо, ашьшьыҳәа сабду аткьац ахьиршьоз
снаидгылеит. Иаргьы сшаагәеиҭазҵәҟьа, инацәхарҟәара
зыбжьакыз ирасатә ҷынгьы, иаҳәызба хәышгьы ивараҿы
инышьҭеиҵан:
– Еиӷьу ала иурхааит, дад! Уԥсынҵры лаӷырӡаша
Анцәа иахьумыршан. Ҿыц ужәҩахыр зкылудаз укәым­­
жәы ахьӡи анархеи унархахааит. Хьмыӡӷ Анцәа иуқәим­
ҵааит уԥсҭазаараҿ. Мши-ҵхи рымшра удоуҳазааит уа­
хьыҟазаалак. Иҟаимаҭуп, дад, иҟаимаҭуп! Ԥшӡала архаха
Ан­цәа иуеираӡааит. Улахьынҵа Анцәа еицоумкын! – иҳәан,
еихадақәа иҽынырнырсланы дҩагылан, схы днагәӡит сабду.
…Сҩызеи сареи аԥсраҿы ҳаннеи, ауаа шеизара еизахьан.
Аԥсы дылбааганы ашҭа дықәдыргылахьан. Сахьынаԥшааԥшуаз, згәы иалсны аԥсраҿы инеиз реиҳа, уалбагас ҳәа
имҩахыҵыз еиҳан. Иара усгьы, ҵасхәуп ҳәа, гәыцхәык
лмыткәмабжь гомызт. Еиқәба-еиқәыԥс, аҳәсақәа итәаз тәан,
иаанхаз цәыҵаччо аԥсы ихагылан.
Иара аншьан илагылаз Џьарма ипатреҭгьы, уаҩҵас,
еиқәтәа-еиқәгыла иҟаз ҭаҳмадак исахьахәыра ылнакаауамызт. Аҩысҭаацәа рабду Ҭаниҭас иеиԥш, ихырҵәыжә
ԥаҵақәа кыдышьшь, илақәа ԥсеи-ԥсеиуа, цәгьа аҳәарҭа,
аурҭа абасоуришь иҳәарашәа, даҷла еибаркыз еихатәы
каруаҭ хырҟәҟәа-ҿырҟәҟәа жьакцак дыларшәын. Џьарма
иаԥсуа маҭәақәа еихык-еиҵыхны, ивагылаз акаруаҭ иқәын.
Аџьабацәа ахьгылаз рхаҿыҵәҟьа, Џьарма иҽеиқәа иоупа
еиқәаҵәа ақәыршәны, имаҭа еиҳабы аӷәра аҿы ианкны
дадгылан. Аҳәсақәа ҩыџьараны рҽеиҩшаны, иԥсҭгагаха,
иаҵакьыр-кьырны «ауоу» рҳәон.
Ҳаргьы ушьҭа ҳхәыҷқәамызт. Арԥыс наӡак иоура-ҳау­
ран. Ҳнеины ашҭа иқәгылаз аҵәуацәа рыстол ҳнадгылеит.
Хәҩык-фҩык раҟара аҵәуацәа ҳаԥхьа игылан. Ус,
иаалырҟьаны, саԥхьаҵәҟьа игылаз, еихажәаахахьаз хаҵа
ҵәыркаԥа кылҳәа дук ивагылаз иҩыза ихы наидикылан:
– Уара, Мачагәа, абри Џьарма дҽыбӷаҟазазма? Мамзаргьы, ҭарчеи ныҟәгаҩызма? – иҳәан, иҽыргызмалҽырҟәышшәа, дгәыцхә-гәышьуа Мачагәа диазҵааит, ани
ахаҵа кылҳәа ҵәыркаԥашәа иҟаз.
Сара сҩызагьы саргьы Мачагәеи, ахаҵа ҵәыркаԥеи
рыжәҩахыр ҳнықәыԥшуа ҳахьгылаз, иаарҳәоз зегьы
ҳаҳауан.
– Ҳаи, ҳаи, аҽыбӷаҟаза егьи ҳәа, дыҩны дышнеиуаз,
днаҵаххны ихҿа ажәҩан иалаԥиҵәон. Џьармажә иҭарчеи
ныҟәгареи, икьиан аихысреи, изар ҳәареи ҳәа акрыҟазма.
Уи иидыруаз, цааи-цышәи реиқәмыртәара заҵәык акәын.
– Аҽы ззықәдыргыло, аҭарчеи зызныҟәырго, мамзар­гьы,
азар зхырҳәаауа, сара излаздыруала, аҽыбӷа ҟазацәа роуп!
– иҳәеит, ахаҵа ҵәыркаԥа.
– Џьарма аҽы акәым, арашь изықәургыларгьы, Џьарма
хәаԥса иоуп. «Сажәыргьала, Кәакәаа Џьарма!» зырҳәазгьы
убри азоуп. Аҽада ашьха иушьҭыр рашьханы ихынҳәраҳа,
Џьармагьы дҽыбӷаҟазамызт.
– Ухы уасуоу, ус, ашҭоԥ еиԥш ушиашоу аԥсы уихагылоу? – иаалырҟьаны даалацәҟәыс-шьацәҟәысит, ани ахаҵа
ҵәыркаԥа кылҳәа.
– Ухы зыдԥуҽылашагьы аӡәы иӡбахә уҳәеит, сара
иԥсыша… Исхасырҭазаргьы, иахьа ахасра иаҟәыҵхьеит. Ус,
баша, Анцәа сыркьаҭ ҳәа, рнапқәа рышьҭахьҟа иҟаҵаны,
арыцҳара иақәшәаз инеиҿахәыҭ-хәыҭны, инеивысуеит.
Закәыхи, ихылԥарч, мамзаргьы ихҭырԥа рқьақьа ахыхраахаҵара дадхалап ҳәа уҟоу! Шьоукы, афурҭ сабалаа
мацақәа реиԥш, рыхцәы рыхәда иҭассы, даҽа шьоукы,
рыхқәа аҩ ирфазшәа ицәаҳаҳа, рхы былдызқәа ахәыл рҵәы
еиԥш ицыр-цыруа инаивсны, еес, абнахь, џьара шәшьырак
рҽахьыҵаркыша ҵла хахак ашҟа рҿынархоит, – иҳәеит,
Мачагәа. Ҳаргьы ҳаԥхьа игылаз анаҳԥырҵгәышьа, ҳашьеиҳашьеи неиқәҵо ҳҿынаҳхеит. Убри аамҭазы:
– Ихәло иалагеит, Џьар-ма! – лҳәан, зегьы ззеиԥшыз
ԥҳәыс еилаҩак, ихаамкәа-ишшамкәа, мыткәма ӷарыӷаҭәак
аацәырылгеит! Убри аамҭазы инацырӷызны:
«Уаҳ, уауоу, уаау!»
«Уаа, уаау, уаау!» – рҳәан, Џьарма иԥсҭгага «ауоу»
аацәырырган, акыраамҭа наҟ-ааҟ рҽеиҩшаны иахьгылаз,
еимданы аҳәара иаҿын…
Ҳамҩа анҭацәы, ҳаргьы аԥсы ҳнеихагылан, ҳаақьыпшәыпын, ҳанцәыҵыԥш-аацәыҵыԥшын, ҳаахынҳәын аџьа­
ба­цәа ҳнарыдышшылеит. Нас, ҳаргьы шәшьырак ҳаҽахь­
ныҵаҳкыша, сҩызагьы саргьы ҳҿынаҳхеит…
– Уара, Умар, абри Џьарма аӡәгьы диҭнымхаӡакәа,
ҳаӷеимышхара, иаԥхьагьы ишьҭахьгьы аӡы ықәыршаны
дықәҵма? – иҳәан, Џьарма дгәырҩагаӡаны дҵааит Сикәа.
– Дышԥаиҭнымхеи, уара, Быхәыт аблаҩа ду диҭнымхеи!
Знык аишәа дахауртәар, ҩ-бысҭа еиқәҵак изхом. Изларҳәо
ала, ауаҩы ҽадабаӷьҵәҟьа ззырҳәо иоуп. Уи сара знык ауп
данызбахьоу, аха зынӡа сылаҿы дмааиӡеит. Ицәа-ицәоуп,
ижьы-ижьуп, дабауҭаху, дабасҭаху! Аҳаиуан, ҳаиуануп
иахылҵуа егьаџьара иугаргьы! – сҳәеит, зынӡа дызлаз даарылхны.
– Бахәыт сара хәԥҳас дҟасҵарц сҭаху џьушьома. Ари
аҟара Џьарма изы сызҵаа-ԥшааз зынӡа даҽакуп! – иҳәеит
Сикәа.
– Иумҳәо нас, абри аҟара Џьарма идамра дызҭоуҵодызҭухуа закәу? – сҳәеит саргьы, сҽынаҿысшьаан.
– Сара излаздыруа ала, рҽеиҩҿаны «ауоу» ззырҳәо,
аӡәгьы дызҭнымхаз, зышә-гәашә ныҵарԥаны, ахааназы
иазыркыз, зыҩны-згәара қьаԥҭахаз иоуп. Усоуп сабдугьы
ишиҳәо! – иҳәеит Сикәа иҽырҟасаӡаны.
– Акраадыруама, Сикәа, дасу дара ртәала рхы ркәач­
роуп. Ауаа ҿык инеицҭацәажәаны, инеизыразханы еихаӡ­
гылахьеит ҳәа абауаҳахьоу, зегьы цәи мҵи реиԥш еибарххоит. Изхысҳәаауа, «ауоу» атәы сара даҽакала ауп
ишыздыруа. Здунеи зыԥсахыз жәаҩ-ԥацәа имазаргьы,
аӡәымзар аӡәгьы диҭнымхазаргьы «ауоу» изырҳәоит.
Ари ажәлар иацы иаԥырымҵеит, жәацы иаԥырымҵеит.
Аханатә аахыс ҳабдуцәа рабдуцәа инадыркны, жәҩахырла
иаарго қьабзуп. Аха аамҭа цацыԥхьаӡа, урҭ, ҳабдуцәа
рқьабзқәагьы рҽырыԥсахуазар акәхап. Ақьабз сара
стәала иахылаԥштәуп, ихьчатәуп. Арма-ӷьырма ишабалак
уазныҟәо уалагар, абас, абыржәы уареи-сареи ишеимаҳкуа
еиԥш иқәырыхқәыраҵатәха, еимакы-еиҿактәха, ладагьы иузмырхо, ҩадагьы иузмыхо, хьӡы амаӡамкәа, жәла
амаӡамкәа, ихыбжа-ҿыбжаны иааумпыҵахоит. Аҳы, ушьҭа
уара унеины еилкаала, еиҳа иарбану ииашоу. Издыруада, изырҵабыргуада, раԥхьа ажәлар ирҳәаз арбану, абас
акәу, егьыс акәу? – сҳәеит, саргьы, Кәрыжәаа срықәлоушәа,
сҽырзажә-ҽырҟасашәа.
Сикәа исҳәаз ак нациҳәарц иҭахызаргьы, аҳәаха имҭа­
кәа, аилыргаҩ даарылагылан:
– Ажәлар шәхаҵкы сцеит! Аҵәыуара зыхәҭаз агәыцхә­
цәа, аҵыхәтәантәи рылаӷырӡ карԥсеит. Аԥсымрагьы нхықә­
гылеит. Ушьҭа, здунеи зыԥсахыз инарцә дықәырҵоит. Аԥсы
ихцәажәаразы ашҭахь дааскьаргеит. Шәааскьақәа, саа­шәы­
кәыхшоуп! – иҳәеит, аилыргаҩцәа реиҳабы днаргыланы.
Ажәлар аԥсы икәшаны ианаагыла, зықәрахь акыр инас­
кьахьаз, зышлеи зықәи инеилаҩҩхьаз хаҵа еиҿкаак, илабашьа нарсны даагылеит.
– Ацәгьара аҵыхәала ажәлар еизаз шәыххь згеит.
Ушьҭантәи шәымҩахыҵра, абзиара иатәхааит! – иҳәан,
иажәа ахы ааирсалеит ацәажәаҩ, – иахьа инарцә мҩа
дықәаҳҵоит, зыԥсҭазаараҿы даара аамҭа иаршаҟьшаҟьахьаз ауаҩы. Џьарма цәгьеи-бзиеи ицәа иҭеимыгӡацыз
ҳәа егьыҟаӡам. Иимуци иимҳәаци ҿыки-бзыки ирзыҵгом.
Ари ауаҩ изыҳәан, иууша, иуҳәаша ҵҩа амаӡам. Аха
рацәак сажәа сҽагәыламырхакәа, ҩбаҟа ажәа сҳәар сҭахуп,
ақыҭаҿы ҳаҭыр зқәу, ажәлар рзы аџьабаа ду збахьоу, зхы
аџьыка ақәызххьоу, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәо, абырг
хатәра Самԥал Агәыӡба! – иҳәан, ацәажәаҩ Самԥал ихы
наиқәикит.
Самԥал ддаӷьхеит-дмаҭхеит, аҵәы дахалеит-дахыҵит.
Аха аҵыхәтәан иҽааиқәикын, деиҵакы-еиҵакуа ажәлар
даарылҵын:
– Џьарма, дад, ухьӡ ала, схы науқәкны ажәақәак еиқәыс­
ҳәалар сҭахуп. Х-ҵхык еихала-еихыҵыргьы, уара иуқәнаго
ажәа аҳәара уадаҩуп. Даарак угәы иацәымӷымзар, сыбжьы
уаҳартә, схы науқәкны суацәажәар сҭахуп! – иҳәан, Самԥал
днаскьаны Џьарма днеихагылан, ихцәажәара дналагеит.
– Џьарма, дад, уара уԥсҭазаараҿы, уцыгәханы аҳәынаԥ
узымкыцызт, акәымзар, иҟоумҵацыз, иумҳәацыз, иумуцыз
егьыҟаӡамызт. Уара анарцә убаҩқәа уныӡбартә аҟынӡа
иныҟәуцахьан. Егьырҭ зегьы ракәым, сара исзуухьаз
«абзиарақәа» зегьы, ухраҭахь ԥхыӡ цәгьаны иушьҭазаауеит.
Уара акыр шықәсқәа рышьҭахь, иугәаласыршәар сҭахуп, 37
шықәсазы сахьыушьҭыз схынҳәны сааит. Сыҩны счамҩахә
ҟалеит. Аха сара иахьа уара уахьысышьҭуа ухынҳәны узаауазар, ухаҵоуп Џьарма! Абри угәаламыршәакәа, ухраҭ
мҩа уқәысҵар, уԥсаҭа цәгьахар ҳәа сшәоит! – иҳәан,
ихҭырԥа неихаҵаны, Џьарма иԥсаҭазы уаҳа ажәак иԥсы
иахмырзааӡакәа, днеихыҵит Самԥал!..
***
…Ауха дежурнас иҟаз аҳақьым дкылԥш-кылӡырҩуа,
ашьшьыҳәа данааҩнала, усгьы сыцәаӡамызт, аҭҳарцәҳәа
сааҭрысит. Сгәалашәарақәа зегьы аӡшәах еиԥш инасхаӡыҭит.
Аилашәшәымҭаз сԥенџьыр ашәахәа инылатәаз ахәылԥы
еҵәа, иааицамкӡакәа, сԥенџьыр ашәахәа ишкылыԥхац
икылԥхон. Сҟәаҟәарақәа сжьы сцарақәа аныԥшша акәхап,
схьаанаго салагеит. Аха иҟьаҟьаӡа ишаны, сиеҵәа, сԥенџьыр
инылԥрааны ицаанӡа, сахьахәаԥшуаз, схьаа арсындон, сгәы
ажьжьон…
***
Мызкы наҟьак, алоура уа ахәшәтәырҭа сҭан. Ихьаазгон,
игәырҩазгон зҵаарак. Абарҭ исыхьқәаз зегьы рышьҭахь,
аԥырцәа рҭаацәараҿы саанрыжьуазу, саанырмыжьуазу.
Ахәшәтәырҭа сҭанаҵы, абри хәыцырҭас, гәырҩас исыман. Сара ҽеила издыруан, абри аҩыза, еиуа-еиԥшымыз
амашәырқәа ирықәшәоз аԥырҩцәа, аԥырраҿы уаҳа ишнырымкылоз. Абри аҩыза ашьҭахь, закәанла, аԥырҩы,
аԥырра азин имам ҳәа иԥхьаӡан. Аха аԥыррахьыҵәҟьа инармышьҭыргьы, аԥырцәа рштаб аҿы иаанрыжьу370

ан. Аԥырра иадҳәалаз даҽа уск рнапы ианырҵон. Аха
сара сзықәшәаз амашәыр, рацәак ибыргәымхеит. Снапы
ԥымҵәеит, сшьапы ԥымҵәеит. Амашәыр сзықәшәаз ашьҭахь,
аԥырразы ҩныҵҟала сшәо-сырҳауа, сгәы цаны сҟамлеит.
Ҩныҵҟала, цәаныррала сҽысымԥсахӡеит. Сҳаирплангьы
уеизгьы-уеизгьы, уаҳа аԥыррахь иузнамго иҟамлеит. Дара
афицарцәа, аԥырцәа еиҳабацәагьы рцәажәараҿы, макьана гәҩара-ҿҩарақәак соуртә еиԥш егьрыдызбаломызт. Аха
аԥырцәа рзакәан аханатә аахыс ишыҟаз здыруан аҟынтә,
сгәы сзырҭынчуамызт...
***
Ахәшәтәырҭа сҭыҵиижьҭеи жәамш заҵәык ракәын
иҵуаз. Зегь рылымкаа слымҳа кыдҵаны сӡырҩуан. Хәылҟьаҿылҟьала акәзаргьы, аӡәыр сыӡбахә ала акры иҳәарыма
ҳәа, аха зехьынџьара ҿаҳа-ҿымҭран. Деиҳабыз, деиҵбыз,
исыхьыз аҵыхәала аӡәы ажәак ихәылшәомызт.
«Анцәа иџьшьоуп, амашәыр алыԥха уманы, уеибгаузҩыда ҩаԥхьа аԥырцәа рҭаацәара уаалагылеит!» –
абри акәын, сеиҳабацәагьы, сҩызцәагьы гәык-ԥсы­кала
исыдырныҳәалоз. Саргьы, «ацәгьа аҽаӡом», наҟ-­наҟтәи
сыԥырра аҵыхәала, ус, џьара, акы нарҳәақәа-аар­ҳәақәа­
хьазар, иныҵыҩ-ааҵыҩны акәзаргьы исаҳарын, сҳәан, сгәы
шкасыршәра-икасыршәхьан.
***
Анцәа уирманшәаларц иақәикыр, угага ушԥахирԥо,
зылԥха ҳаура! Анцәа иуциҵаз угәыӷра уцнаҵы аԥшалас
уацԥыруеит. Адунеи ахи-аҵыхәеи унапсыргәыҵа иҵаур­
гьежьуеит, угәалаҟарагьы-ухалаҟарагьы, угәыӷрақәа рхьы
мҵәыжәҩаш уныҵанакуеит.
Абас, Анцәа илыԥха сыцны, сахьчон абыржәраанӡа.
Ушьҭа рацәак мырҵыкәа ҳазшаз имчала, ҩаԥхьа сҳаирплан
амҵәыжәҩа сышнықәгылоз, ҩаԥхьа сыштурвал аԥсҟы сыш­
надтәалоз, игәҩарамкәан издыруан.
Уаҵәтәи сԥеиԥш, сыцәгьеи-сыбзиеи, заа исыҵазҳәоз,
заа исзымдыруаз, еиуеиԥшымыз сцәаныррақәеи, сцәала­
шәарақәеи зегьы ҭынчын.
Иахьатәи Сибратәи амшгьы, мшык иалаҩашьомызт, амра
каҵәон. Ишырҳәо еиԥш: «акәтаӷь ԥымҽӡакәа исывагьежьны ибылгьон!» Сгәалаҟара ахҭаҟынӡа еихаҳа-еиҵаҳан.
Убри аҟара схы-сгәы азҭан, убри аҟара сгәырӷьара ҵҩадан.
Уаҩытәыҩса иҽызхеимкыцыз, лакә рашь ссирк сақәтәаны,
аурҭ еиԥш, Сибрантәи акаршәрақәа срыхҟьаны снеиуан, гәыла сԥырны. Ажәакала, анасыԥгьы, аманшәаларагьы,
амашәыр алыԥхагьы – Анцәа исаҭәаишьаз, сызхимбааз зегьы-зегьы сыман!
Сгәы рҭынч, сыԥсы рҭынч, иахьада сызнымиалацыз
скаруаҭ ҿыц сҽынеиҵыхны снықәиеит. Иаасыкәыршан
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Ашацәа ртәарҭа - 22
  • Büleklär
  • Ашацәа ртәарҭа - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3232
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2131
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3273
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2117
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3329
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3315
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2183
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3290
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2232
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3276
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3313
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2219
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2209
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2143
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3283
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2201
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3300
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3307
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2214
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3134
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3249
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2178
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3223
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3199
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2051
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3275
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3202
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2199
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3231
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2138
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3271
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2219
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3268
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2180
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 2599
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1823