Latin

Ашацәа ртәарҭа - 20

Süzlärneñ gomumi sanı 3275
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
зынӡакгьы ианӡамызт. Иқәысҵеит-иқәысхит, аха сахьыҟаз336

сахьаныз ҳәа акы аасзеилымкааӡакәа, ажәҩан сышхагьыжьылоз:
– «Иастреб!», «Иастреб!» сара «Бакал» соуп изҳәо! Иарбан курсу уҳаирплан ахы ахьхоу – иҳәан, аԥырцәа реиҳабы
ҵаҟантәи ибжьы слымҳа инҭаҩит.
Сара сеиԥш акурсантцәа ажәҩан аҿы егьаҩ ҟьалахьан.
Уи дара рзы иџьшьатәӡамызт. Иаразнак идырит исыхьыз.
Сара акы еиԥшымкәа ихьмыӡӷысшьеит, аха исылуршооз.
Акомпас снахәаԥшын:
– «Бакал!», «Бакал!» сызлаԥыруа акурс ԥшьынҩеижәа,
сызлаԥыруа акурс ԥшьынҩеижәа!» изҳәо «Иастреб!» –
сҳәан, ани сывараҿы иамаз акнопка ҟаԥшь снақәыӷәӷәаны
ҿаасҭит.
– «Иастреб!», «Иастреб!» – уҵаҟа, адгьыл аҿы, еиҳа
улаԥш иҵашәаша ариентирк алхны убри уахагьыжьла,
убри уахагьыжьла! Изҳәо, «Бакал!» – иҳәан, ибжьы аҳауа
иналаӡҩеит.
Иҟасҵагәышьооз, сҳаирплан амҵәыжәҩа аахсырнаан,
иеиҵәҟаҟараӡа, џьарсахьаны еихдаз ҩ-бнацәаҳәак аалысхын, убарҭ сырцәыхарамкәа ахагьыжьра салагеит. Аԥырцәа
реиҳабы дсацәажәеижьҭеи ҩбаҟа шәымҭа мҵыцкәа:
– «Иастреб!», «Иастреб!»,– ҳара уҳашьҭал, ҳара уҳашьҭал!
Уҳаирплан арма мҵәыжәҩа унықәыԥшыр, ҳаубоит! Изҳәо
«Бакал» соуп! – иҳәан, исаҳахьаз абжьы ҩаԥхьа слымҳа
инҭасит. Еразнак акабина асаркьа сналԥшны, сҳаирплан
арма мҵәыжәҩа снықәыԥшны, санынаԥш, еихык-еиҵык
ҩ-истребительк исымариашаны ишнеиуаз гәасҭеит.
– «Бакал!», «Бакал!», еилыскааит, еилыскааит! – сҳәан,
сҳаирплан аахсыргьыжьаан снарышьҭалеит. Сҳаирплан аццакыра инацысҵан, ҳаԥырцәа реиҳабы дзықәтәаз, аԥхьа
инеиуаз аҳаирплан, арыӷьарахьтәи амҵәыжәҩа аганахь
ала, ҩынҩеижәеи жәаба метр еиҳамкәа сизааигәахеит.
Аеродром ҳаназааигәаха, ҳаԥхьа игыланы инеиуаз
аҳаирплан аҽыларҟәра иалагеит. Саргьы снашьҭалан, дук
мырҵыкәа, аԥырцәа реиҳабгьы, азвено акомандиргьы, саргьы аеродром аҿы ҳнатәеит.
Ҳҳаирпланқәа ааҳаргьыжьын, инаганы рҭыԥқәа рҿы
инаргыланы, аҩыџьагьы нҭыҵын аԥырцәа рҭыԥ «аквадрат»
ашҟа рҿынархеит. Саргьы сҳаирплан инаҿадыргылаз амардуан сналбаан, снарышьҭалеит.
«Аквадрат» аҿы санааи, спарашиут аасыҟәнысхын, аҭыԥ
аҿы инышьҭасҵон еиԥш, аинструктор даасыдгылан:
– Акомандир ескадрилиа дуԥхьоит, абан иаргьы дахьгылоу! – иҳәеит.
– Исаҳаит, аҩыза алеитенант аиҳабы! – сҿынасхеит саргьы.
Ҳаԥырцәа реиҳабы аподполковники, ҳучилишьче аначальник агенерал Белови еидгыланы, акы аҳәара иаҿын.
«Оп, агенералгьы дыҟоуп, анаџьалбеит, сара стәы акәхап
излацәажәо!» – сгәы нҭыԥсааит, аха исыԥшнымҵакәа,
рааигәа саннеи, сунт хә-бабақәа нкажьуа, снарыдгылан:
– Аҩыза агенерал, шәааԥхьарала, акурсант Мқанба сааины сыҟоуп! – сҳәан сҽаариашаӡаны раԥхьа саагылеит.
– Акурсант, Мқанба! Абрантәи Аԥснынӡа заҟа километр бжьахарызеи? – иҳәан, сгәы иҭамыз, схы иҭамыз абри
аҩыза азҵаара сиҭеит агенерал.
Раԥхьаҵәҟьа исҳәара сзымдыруа, саалаҟә-лаџьеит,
ашьҭахь:
– Ибжьахарызеи, сеидроу, зықьҟа километр ракәхап,
аҩыза агенерал! – сҳәеит.
– Уара, зқьы километр ахьыбжьоу, аштурман дуцмыр­
хыраакәа уи амаршрут ахсаала ианымҵакәа, егьикәа, ус
иааихҵәаны, инаумҩатәны Аԥснынӡа сынкыдгыланы, амшын Еиқәа сынхыԥшыланы саахынҳәып ҳәа изақәукызеи?
– иҳәеит, агенерал илақәа аарцәгьаны.
– Мамоу, џьушьҭ, Аԥсныҟа ацара зынӡаскгьы сгәы
ишԥаҭаскуаз!...
– Уи азы сара лахь усҭарц сгәы иҭаӡам, уҭаацәа гәхьаау­
газар ауеит. Аха егьырҭ зегьы ҳарҟәаҵып, абензин узхара
шумамыз, ишузымхо, амҩабжара ушынхоз шԥоузымдыри?
– Аԥсныҟа ацара сгәы ишԥаҭаскрыз, сеидроу!..
– Нас, ага ушыҟаз ашьха указцазеи, уара, уҟьалама?
–?
– Сара сузҵаауеит, акурсант Мқанба? – дысҟәаҵуамызт
агенерал.
– Сҟьалеит, иашоуп, аха сара исхараӡам! – сҳәеит, сыхәда
насыкәаршәны.
– Изхарада, нас, сара соума изхароу?
– Мамоу, ажәҩан аԥшӡара иахароуп, аҩыза агенерал! Сара иахьада ажәҩан схамлацкәа сыҟазма, аха
иахьеиԥшҵәҟьа ажәҩан ссирны изымбаӡацызт, сыхнахит,
аҩыза агенерал. Убри аԥшӡара сырҭаслымны сшамаз ауп,
сыдҵақәагьы шынасыгӡоз. Иахьакәым саҿеит. Ажәҩани,
аԥҭақәеи, адгьыли убри аҟара иԥшӡан!...
– Иазхоуп, Мқанба! Зегьы-зегьы еилкаауп. Даҽазны им­
ҳәа-имырза аҳаирплан мҵарсны убналаны умцалан. Ухы
уақәиҭуп! – иҳәеит агенерал!
– Еилыскааит, аҩыза агенерал! – сҳәан, саақәгьыжьаан,
сҩызцәа рахь сҿынасхеит…
…Аучилишьче ҳалган, аԥырцәа рымаҭәа ҿыцқәа ҳашә­
ҵаны, хьача сырмала иқәҵаз ҳчынқәа ҳрыҵаҽырбо, ҳахәда
инықәаҳҵан, ахәылбыҽха ҳара ҳзы еиҿкааз ахәылԥаз ахь
ҳцеит!
Убранӡа сгәы иалан, егьыхьмӡӷысшьон исыхьыз. Убри
ауыха агенерал иаҵәца аашьҭыхны, аучилишьче ҳахьалгаз
ҳадиныҳәалеит. Усҟангьы уи агенерал игәалаҟара бзиан!..
***
Анцәа ҳазшаз уирманшәаларц иақәикыр, угага ушԥа­
хирԥо зылԥха ҳаура! Сара саагылазаргьы Анцәа дхасҵон,
иахьагьы дхасҵоит. Шәымҭак схы дҭамкәа сгәы дҭамкәа,
иаалырҟьаны, цәалашәарала, ҳазшаз ихьӡ сыци-сышәи
ианаарықәыххлак, сгәырӷьареи сгәалаҟареи ирхылҵыз
цәеицәыԥсрак насхыҵәаны, иаразнак сылахьи-сыџьымшьи
аасӡатәуеит. Усоуп сара схы здыруа саныҟала инаркны,
ҟазшьахәырас иалкааны исымоу. Убри инаваргыланы, акыр
ааҵуеит, аԥхыӡи, алаԥықәшәеи, ацәанырреи, ацәалашәа­
реи ацәеицәыԥсреи ала ԥыр-ԥырреи, алаԥшҵашәареи
исырҭо адыррақәа рыгәра згоижьҭеи.
Ааи, Анцәа ду уирманшәаларц иақәикыр, угәалаҟара
абыжь-шьхак, абжь-жәҩанк ржәҩангәашәԥхьара ахьтәы
цаԥха наҿаршәны, аҷараҳәа ахьтәы гәашә узааиртуеит.
Убригьы игәҩарамкәа ихасҵоит, убригьы агәра згоит.
Абри зегьы сзырҳәаз, исызцәырнагаз, гәбылрала Анцәа
иашҭа сҭазырԥшыз, аа, абыржәыҵәҟьа, сгәы иҭамкәа схы
иҭамкәа, ҳазшаз аргама сыкәа инҭаиршәыз агәырӷьаҿҳәаша
ауп.
«Гәык ԥсыр, гәык аауам!» – рҳәоит. Сара сымԥсуа,
смажәуа, алаҳәа шкәакәа еиԥш, хышә шықәса сыԥсы
ҭазаргьы, сазыԥшӡамызт, иахьа Анцәа илыԥха схьыршаны, исаҭәеишьаз, ӡра-ԥсра зқәым агәырӷьаҿҳәаша.
Сара уи азыҳәан, ҳаӷахәы игәы шкаиршәша, сгәы ка­
сыршәхьан. Анцәа зыԥсы зхаҭәҳәаны, сыкәа-смаӷра ин­
ҭеи­ҳәаз агәырӷьаҿҳәаша, сара акыр ҵуан исшәижьҭеи
– изџьабеижьҭеи. Иахьа уажәраанӡагьы аԥхыӡ цәгьеиԥш
исышь­ҭазиижьҭеи… Иҟаларын уи агәырҩа лымгазҩа шсыцыз сынарцә гәашә снылагыларгьы. Аха «уара иушьуаз
Анцәа димшьит!» Ари шыҟалазгьы абас ауп:
Ашьыбжьышьҭахь аԥырра аҟынтәи ҳааит. Ес-уажәааны
ишаԥыз еиԥш, шьыбжьхьа ааҳфан, ҩ-сааҭки бжаки
ахақәиҭра иҳамаз схы налагӡаны, суада хәыҷы аҿы снеин, санкурсантыз сзықәиалоз сеихатәы каруаҭ ахаҭа, уналакьысыр, арҵәааҳәа иҳәҳәоз, ахаҿы игылаз адесҟәардә
сыҽнықәсыгӡан, сҽааилысхит.
Рацәак сыҳаи-деик ыҟамкәа снықәтәеит. Ес-уажәааны
схәыцрақәеи, сгәалашәарақәеи рымҵәыжәҩа сныҵакны
сыргон, Ашацәа ртәарҭа ҳәа изышьҭоу Тур ихәыҟа. Абыр­
жәыгьы раԥхьа сыбла иаахгылаз ҳахьатә кәасқьа иава340

гылаз ҳган ҩны ду ауп. Ахәыблы иахьынҳалоуп Абаа-иԥа
Ҿаԥала, дныҳәа-ныԥхьаны ижьира иҵигаз ҩ-рхышьнак.
Ахәышҭаара ахаҿы икнаҳау ахац рыԥхны ажьҵаа ахаԥ­
соуп. Акәасҭхара амца еиҿашуеит! Амцабз иаҿыхәашо
ацыԥхьқәа, архышьнақәа ирхьыӡсаны ахәыблы иаҵаԥсоит!
Сан авара ахышра еицырҭәо, арасатә ҵәы иахаҵаны, аҽҳәа
иҽҳәалырҵәиуеит. Ахәышԥырӷы илаҭәо ашша афҩы хааӡа
игоит. Убри аамҭазы амца иақәыз амҿаӡа ацәа ааԥжәан,
«ҟәиит» арган, ашәах налыжжит.
Сабду абжьааԥны еиԥш, аҽыхәа иҿабылгьазшәа, иԥаҵа
еиқәышлақәа хыҽҽаны игәы иқәҭәо, аҽҳәаҿы игылаз,
арагәаԥшь рымӡ ду дахьықәтәаз, дҩагылан: «Ҵәымш, дад,
ҵәымш!» – иҳәан, зцәа зхаӡыҭны, «ҟиит!» ҳәа зыбжьы газ
акәасҭха, маҵәык аамихын амца инақәиршәит…
Сабду алакәҳәаразы иааираны иҟоу ҳгәылацәа дыр­
зыԥшны дтәоуп. Уаха «Ахәԥҳаи Абзыцәашьеи» рлакә
шырҳәо здыруеит. Алакәҳәара «аҵәы» сабду иқәшәандаз,
шьыри! – абас сгәы ианааҭысҳәаауаз:
– Аҩыза, аԥырҩы, Умар Мқанба уҟоума, Умар Мқанба!
ҳәа шьоукы рыбжьы ааган, инақәырццакны, ашә асра иалагеит.
«Дызусҭа сгәалашәарақәа рҿыхамҭазы, саарымбар
ҟамло иаагәыцхә-гәышьыз!» – сҳәан, снаҭрысын, ашә
ааимԥааны снарԥылеит. Уаҳагьы аҽаагеиха сымҭакәа,
мацәыс еимҟьарак ахмырҵкәа, ирхианы иркыз аконверт
сыблақәа инархыркылеит.
– Ҳала ишабо, абыржәыҵәҟьа уқәгьыжьааны укәашароуп,
абжьарак, абри, иҭаӡны хықәкыла иузаарышьҭыз асалам
шәҟәы, уаҳа ахабаргьы убараны уҟаӡам! – иҳәан, еицыз
руаӡәк аконверт ишьҭахь инавеикит.
– Ари, анҭ асалам шәҟәы еицарсақәа иузаарышьҭлоз
иреиуаӡам. Амҳәырқәа аарханы, конвертк шыҟам иҟоуп! –
иҳәеит ицызгьы.
– Рацәак ажәарҟазара уҽазымкыкәа, ирласны укәаша! –
асалам шәҟәы аацәырганы ҩаԥхьа сыла инхыркылеит.
Иҟасҵооз, сыҽмырххакәа, сықәгьыжьаан скәашеит.
Сшаақә­ҵызҵәҟьа; – Узқәымгәыӷуа агәырӷьаӡ зхьыршоу
агәырӷьаҿҳәаша узаанагеит! – рҳәан, аконверт снапы
инанырҵеит. Ҵабыргыҵәҟьаны, аиԥш-зеиԥшроу асалам
шәҟәы, абрахь, аррахь ҳәа сымҩахыҵиижьҭеи исмоуцызт.
Аконверт «Заказное» ҳәа ианын. Ҩ-мҳәырк аархан. Иззакәу
сыздырам, иаалырҟьаны сцәа сынҭрыхьҭшьааит. Изқәыс­
ҵара сзымдыруа, амцеи амырхәагеи рыбжьара саабжьанакит.
«Еиҳа угәы узырхьуа, алаӷырӡ зцу агәырӷьаҿҳәаша
акәхааит!» – сабду иныҳәаԥхьыӡ аргама слымҳа
аҭаҩара ааҭнашьшьааит. Нас уаҳагьы сгәыҩҿыҩрақәа
сыҽрыламырхакәа, снапқәа ҵысуа, сконверт аахсыртлеит.
…«Сыччаԥшьи сҵәуабжьи шаҳаҭс ирымоу, схәыҷра иақә­
лоу сашьа еиқәаҵәа Умар, мшыбзиа!
«Ақьиа ишьа Анцәа иуит!» Умар! Иудысныҳәалоит, амца
иазымблыз, ҵаа иазымгаз, аԥсуа идоуҳаи иҳақи, иламыси
еиқәдырхаз аԥсуа нбан ҿыц! Иаҳамҵәуаци, иаҳамџьабаци,
иаҳамҳәаци егьсызҳәом. Анцәа иџьшьоуп! Аринахысгьы
Анцәа ҳаицоумкын!

Анатоли Аџьынџьал.

1953 шықәса, сентиабр 12
Кәтол – Аҟәа
Абар, «Алаӷырӡ зцу сабду игәырӷьаҿҳәаша!» – сҳәан,
уаҳа сзымычҳакәа, снеиҵақьыз-қьызны, ауеимада ҳәа
инеимасҭәеит!.. Сҵәуон сара астол схы ықәҵаны…
Ақьаад жәпа шкәакәа иагәылаҵаны, аконверт иҭаз алфавит, алакә бырлаш иагәыларшәу, ҿыц ииз аша еҵәа
еиԥш, алакьысра сзыгәаӷьуамызт. Амилаҭ рлахьынҵа
зыӡбыз анасыԥ сықәҿнамҭыр ҳәа сшәон. Сара аханатә
аахыс зыгәра згоз алаԥш акыр ҳәа сшәон. Анарха амо342

ур ҳәа сшәон. Сшәон, избанзар, сшәахьан, сеиҭашәахьан,
аҵыхәтәанӡа сгәыӷра сыҵабарахарц егьсыгӡамызт.
Иара схаҭагьы ишаасыртыз сызгәамҭаӡакәа, аԥсуа
нбанқәа згәылаз ақьаад жәпа шкәакәа аасыртит. Анбанқәа
хкьыԥхьлаан, акьыԥхьга машьынкала. Сыблақәа рыгәра
згомызт. Анбан ҿыцқәа ҭыҿҿа-ҭыҿҿа сыбла ишыхгылазгьы
ихасҵомызт.
«Аџьма имԥсыша, дад, амаҵә азылаҟәуеит!» «Ақәасаб
еиқәхаша, атәыҩа цаҟьаш иаҿанаршәуеит!» Абарҭ иԥсҭа­
ҵагоу ҳабдуцәа ражәаԥҟақәа рыԥсы ҭаланы рҽаа­сыкә­
дыршеит!..
«Изакәызеи, уара, анасыԥда, ацагьы уамбылуа, ахь­
шәашәагьы уамбылуа! Аханатә аахыс Анцәа ҳазшаз узиашьапкуаз, уԥхыӡ иалаз, улабҿаба иацгылоз, уҿаҳәатәы
ҳазшаз иузыҟаиҵеит, ихьышьаргәыҵа уакәыхша! Уҽырҭынч,
уара, Анцәа имаалықь!» – ҳәа ибжьыдаз, ишьҭадаз абжьы
слымҳа инҭаҩит!...
…Хәыҷы-хәыҷла зҿыцәаара иаҿыз споезиа амца,
ҿыцҳҳараӡа, мшаҽны еиԥш еиҭанеицралеит. Схаҭагьы
сеиҭеиит, сгәашьамхгьы ҽа-шьамххеит. Анатоли Аџьынџьал
сыкәа-смаӷра инҭеиҳәаз Аԥснытәи агәырӷьаӡ иснаҭеит,
еиҭаҳәашьа-еиҭаԥсашьа змамыз, уаҵәтәи сымш зырлашоз,
агәыӷра. Адунеи насыԥ ссирс иҟаз иреиӷьыз, снап­сыргәыҵа
иқәкәашон. Уажә сара зегь реиҳа сыӷәӷәан, зегь реиҳа
сласын, зегь реиҳа сыԥшӡан, сразын, шарԥазтәи аԥшалас
сацԥыруан. Лассы-лассы аҵәуафҩы злышәшәоз сгәа­ла­
ҟарагьы аҽаԥсахит. Аԥсҭазаареи абзиабареи еиҳагьы сгәа­
ҳәо, срыхӡыӡо, зынӡа иҳәаадахазшәа избо салагеит, сҿа
ӷәӷәахеит, сыбӷа ӷәӷәахеит. Убри сгәы иҭамкәа, схы иҭамкәа,
сыԥхыӡ иалашәар ихасымҵоз, иаалырҟьаны сзырҭаслымыз
Анатоли игәырӷьаҿҳәаша, адырҩаҽны иснырит «Салам
усҭоит, Аԥсны!» захьӡу ажәеинраала. Мшаҽны ишызҩыз
иаамԥсахӡакәа абра ианысҵоит!..

Салам усҭоит Аԥсны!
Уара ухьӡала иахьызыҩуа ари ажәеинраала,
Ухәы ԥшӡа сықәтәаны акәӡам Аԥсны!
Ара аҵаа иарӷьеиҩуеит аҟазшьала,
Сибратәи афарҭын асуеит иаапкны.
Иасуеит анаатә, аха иасуаз аҭахызар,
Асыҭәҳәа ҩынтуаз акаршәра еибаркны.
Аԥырҩы имаҭәа шаҳә-шаҳәуа исшәызар,
Ухәызқәа сықәтәоушәоуп сшыҟоу сыԥханы.
Суԥырҵижьҭеи акырӡа ҵуеит ҳәа,
Усгәаламшәо ҟамлац мышк цаны.
Ушьхақәеи умшыни схашҭырцу? – иаҳҳәеитҳәа,
Мап, сыԥсҭазаара, сыԥсадгьыл, Аԥсны!
Ашьха еиҩыцәрақәа ҳабжьаз аҭахызар,
Аԥҭақәа иргәылҟьоз амацәыс лакьны.
Сҩын-ҩықәреиԥш сара усҭахызар,
Есымша ушҟа снеиуеит гәыла сԥырны!
1953 шықәса, Новосибирск

… Иӡхьаз, иԥсхьаз, изныкымкәа зыӡбахә шәасҳәахьаз,
аԥсуа алфавит ҿыц аԥсуа жәлар ироуит. Абар, иара
аԥсуа нбангьы ахьыҟоу! – абри, сҩыза исзааишьҭыз
агәырӷьаҿҳәаша ауп сылаӷырӡқәагьы хзыжьыз, – сҳәан,
аӡәаӡәала, агәырӷьаҿҳәаша сзаазгаз сҩызцәа гәыдыскылтихыдыскылт!
Ушьҭа, ԥшӡала, уаҵә аашар, сгәы сыҵԥраауа, ҩаԥхьа
аԥыррахь сцон!
***
Аҵх агәы еиҩнашахьан, аха ацәа сагомызт. Иухарам­
кәа-иубарамкәа, знык угәы ҭаршьыр, «Гәык ԥсыр, гәык аа344

уам!» – шырҳәо еиԥш, угәы шҭашьу мацара иажәроугоит.
Абри сазхәыцуан сгәы ҩарханы сахьышьҭаз.
Ирымкәаз алу еиԥш, иҵҩызаахахьеит, ирҳәац шынеи­
ҭарҳәоз. Аха аума уақәшәар, аума уӡбыроуп. «Ауардын
иахьақәыӷәӷәо ауп иахьҿыжуа!»
Аа, абыржәы аҳаҷаҳәа иаасгәалашәеит, схәыҷрагьы
сдурагьы исхамышҭуа хҭыск. Схәыҷын усҟан. Кәтол ақыҭа
школ аҿы хԥа рҿы стәан. Саб афронт ахь дыҟан. Ишәҟәгьы
ҳмоуижьҭеи акрааҵуан. Ашколи ҳареи хә-километрак
ҳабжьан. Ашара снаҵаргыланы сан слырҿыхон. Сара ашкол
ахь ацара аԥсра ацәа ахыскаауан. Ашкол аҿы ҳаннеи инаркны аԥсышәала ҳцәажәар ҟалаӡомызт. Иааҳҵоз амаҭәарқәа
зегьы қырҭ бызшәала акәын ишаҳҵоз. Аԥсышәала аҵара
ҳаҟәырххьан ҳбызшәала ашкол аҩнуҵҟагьы, ашкол
ашҭаҿгьы ицәажәаз аҵаҩы, адиректор итәарҭаҿы днаганы, ажьыӷьырҩага дкылырхуан. Адиректор Напо Хупориа,
ала маӡала ицҳауа еиԥш, дымцәажәаӡакәа акәын, иҟәбас
маҟа наимӷԥааны дышусуаз. Иабиԥс днага-ааганы… Уара,
ашьра зықәҵаны акнаҳарҭахь инаргогьы, иус рыӡбоит.
Дзыхдырҟьаз закәу, измааноу ажәлар ирыларҳәоит. Ари
Напо изаҟаразаалак, иҿы неихмырԥхьаӡакәа, ихы-иҿы
зегьы ацәырԥшӡа ҭыԥ иарганы: «Уу шье тутуцо!» – заҵәык
ааҳәаны, акәын дышусуаз. Уи аҟынгьы уаанижьӡомызт.
Уҿамбасха, хәылбыҽханӡа унаганы уҭеикуан.
Ажәа ахы мҳәакәа, аҵыхәа узҳәом. Абри зегьы зхыс­
ҳәаауа, аҽынтәи амш ашкол аҿы иҟалаз ахҭыс ауп. «Аиаша уҳәар, аԥсы дгылоит!» рҳәоит. Аӡәы ицәгьа иӡап. Сара
ақырҭ бызшәа ансаҳалак, схы аисыбжьы слымҳа иаҳауан,
убри аҟара исцәымӷын. Аурокқәа иҳарҭозгьы сҵаӡомызт.
Исҵоит ҳәа салагаӡаргьы исызҵаӡомызт. Аҽынтәи аурокгьы мҵаӡакәа ашкол ахь сцеит. Са исыздырам сзыхирҟьоз,
аха ҳдиректор сара сааибар, илақәа акакаҷ рыҵашәон,
убри аҟара сицәымӷын. Иара Напо Хупориа ихаҭа иакәын
ақырҭуа бызшәа ҳазҭоз. Ажәакала, са сцәымӷрагьы, аурок
амҵарагьы еиқәшәеит. Уи сҳәеитҳәа, иԥыскаауааз усгьы
«ҩба» сзықәгылан. Даасазҵаацыԥхьаӡа: «ори» Миқанба
иҳәон, иҿы нҭырчааны.
Иахьагьы! – «Аба, Миқанба! Гаквиҭели!» – иҳәан, ила
ӷьарӷьалашқәа аацәырҟәыншьаны даасыхәаԥшит. Урокс
иҳамаз ажәеинраала «мипатижьеба сасҵавлебельшьи»
ахьӡын.
Сҩагылан, ажәак мҳәаӡакәа ҳамҭак сыԥшын. Нас,
сҽааизызган, сажәеинраала ҿарҳәала аҳәара сналагеит
абас:
Ҵамодеқиҭ ҟмаҵвилебо,
Уаха тәин-тәин
Ар еиқәаҵәа иааизаз,
Зыхәы-зыхәы зымфара,
Танц чаицва сачқарозе,
Маамоу заҳамҳәара,
Хама шьапы хаҩаӡара,
Ԥенӡараҳ цәҳарх хәыҷы,
Ани-кәыни ҳдыршәан…

– Рас лапаракос, шьен убедуро! – иҳәан, дыҳәҳәеит
Напо, аха сааҟәымҵӡакәа саԥхьон:
– Аа-маа анҵысыз,
Аҟә-маҟә анҽыжәлаз,
Кәыркә ԥшӡа ӡагә-ӡагә,
Ԥҳәыс данааигоз,
Кыкы заҵәык змаз
Аџьма закьыч аныршьыз
Здыруа аӡәыр шәыҟоума?..
– Сумасечни штьоли? Уауа, џьымаӷәурель, да уасаӷәу­
рель! – иҳәан, игыршәеи иқырҭшәеи неиԥшьны, аҳәа ахы
зықәшәаз еиԥш днықәгылан дыҳәҳәеит. Иара дыҳәҳәон,
сара аԥсуа жәлар рпоезиа саҵакьыр-кьырны саԥхьон.
Иҳәҳәара акгьы анамыхәа, санизаанымкыла, дагьыҳәҳәон:
«Уауа, џьима, уауа џьима, баӷана диханг, баӷана диханг!
Мубӡир, бошь, мубӡир бошь! иҳәан, ахәылрҵә еиԥш
иҟьашӡа, аҩ ирфазшәа, ицәаҳаҳа ихагылаз ихы былдыз,
аҟьаԥ-аҟьаԥҳәа асра далагеит. Ихгьы дасуан, ишьҭахь еимакны дагьыҳәҳәон..
Сара сыҩ-жәеинраала хәыҷқәак срыԥхьан санаалгоз:
ҳаи, саи, ҳәа аҳәҳәабжь назаҳаз арҵаҩцәа ҳакласс ашә­
хымс иаалеибаҳәеит.
– Иҟалазеи, уара, амҟалатә шәзыҟалааит? – иҳәеит,
аҳасабра ҳазҭоз арҵаҩы дшааҩналазҵәҟьа.
– Миқанба Умари сумасечнии чтоли, чесное слова!
– Напо, гыршәала, қырҭшәала, урысбызшәа хыфа-ҿыфаӷарыӷаҭәала, иҟалаз шыҟалаз, акы аанмыжькәа зегь
реиҳәеит.
– Арҵаҩцәагьы аӡәык-ҩыџьак ракәымзар, рыгага
иацә­шәон. Напо дзакәыз, иԥсхакыз рзымдыруа иҟамызт.
Ирушагьы рдыруан, ирҳәашагьы рдыруан, аха усҟан
аамҭа зеиԥшраз ала, «амшә иакыз, дад, имҳәар ауамызт». Аха иҟами аӡыршгьы иацәымшәо, аӡыхшьахгьы
иацәымшәо, аҵаарыҷҷагьы иацәымшәо шьоукы. Иахьеиԥш
исгәалашәоит, иҟалаз ҽеила еилызкааз рҵаҩык ичҳара
дналҵын, – «Уқәақәра згааит, Умар! Аиашаҵәҟьа изууит, уи
агыруа уаҭанӡарашәа иҟоу. Ацгәы аԥа аҳәынаԥ амкуеи! Уаб
абзиа уиԥами, егьаумҳәан. Урҭ сырҿаӡыҭуеит ҳәа уалагар,
зынӡа акьахь уқәаҳҵоит ҳәа иалагоит. «Агыруа ашьа ибар,
аҵәыуара далагоит» ҳәа шыр­ҳәаҵәҟьо иҟоуп. Уажәраанӡа
аҳәа выр-выр ҟазҵоз, иаартны урҿагылар, иаразнак абажә
мца еиԥш иҿыцәааны, инеихәлакьаҭоит. Усоуп урҭ аханатә аахысгьы ҟазшьас ишрымоу!» – иҳәеит, амцеиԥш днеицралан.
Уа даанымгылакәа, деиҭанхәыҵҟьахын, – «Аҽгәара ҟамчы
оуп урҭ ирнаало!» – иҳәеит аԥсышәала, еиҭа нхәыҵакшәа.
Ус уҳәа, егьыс уҳәа, амчра дара ирыман, иуҭахы-иуҭахым,
ирҳәоз ҟалар акәын. Ԥсыуа школк аҟны иҟамлацыз ҟалеит
рҳәан, инарҭбааны, иара убас «ахы ахьысҿыҵҟьаз», ҳакласс
ауада аҿыҵәҟьа, аҵаҩцәа рҭаацәарақәа зегьы алархәны,
аизара ду ҟарҵеит.
Ԥсраҽнынӡа, иара итәала, ахьмыӡӷ еиқәаҵәа зсыргаз
Напо Хупориа изы заа астол ԥшьыркца ду иааганы акласс
ауада агәҭаҵәҟьа идыргылахьан. Ифес хылԥа неихыхны,
ихы апашра аԥхӡы ықәыжж, қьаад бӷьыц гәарҭак игәыҵа­
ҳәҳәа, ажурнал иҩыҵракны, маҿа-маҿа деилшәаа-еилшәаа,
деи­хаӡԥштәалаха, дааин, астол днахагылеит. Афронт ахь
ирга­хьаз ахәыҷқәа рабацәа усгьы иргахьан, иаанхаз
анацәеи, андуцәеи, абдуцәеи иааз, ишәеиқәара-ӡиқәараха
еикәшаны инатәеит.
Абни, аԥсышәала, иззымычҳакәа, инеицраланы гәоугәоу ицәажәаз арҵаҩы Ӡаӡ ихьӡын, Санӡаан. Убригьы дара
ҳарҵаҩцәа рылымкаа дааин, Напо иаԥхьа игылаз апарта
днахатәеит.
Саргьы жәларык нзырҵәаз абрагь иеиԥш, зегьы сахьыр­
барҭаз, баандаҩҵас абансшәа снадыртәеит. Ашьамҭ­
лаҳәқәа сышьамызт, акәымзар сызлабаандаҩымыз ҳәа
акгьы салаҟамызт. Ибзиангьы исгәалашәоит, абриаҟара,
ашьауӷа сықәырҵарц қырҭуеи гыруеи, наа имнеиуаз зегьы рыҽҭҳәаны рҽахьазыҟарҵоз, сара сеигәырӷьон. Сшәа­
ӡомызт. Уи моу, аеҵәа кыдызԥааз, ҿык-бзык иамҳәацыз
хаҵарак ҟазҵаз аӡә иеиԥш, схы-сгәы азҭан!
– Сара суаҩыбжара снахысхьеит. Ацәгьагьы збахьеит, абзиагьы збахьеит. Аха абри аҩызаҵәҟьа асаашьа сыԥхыӡгьы иаламшәацызт, – ацәажәара дналагеит Напо. – Схы иҭамкәа, сгәы иҭамкәа, аҽнышьыбжьон
схы схыӷәасаа ишысхагылаз сирбеит, абни алаҳәа
еиқәаҵәа, абна итәоу амри! – инацәа насықәикит. –
Ари дҩеидамсроуп, акәымзар, дҩеидасыр, амилаҭ рзы
ишәарҭахо қәыџьмахоит. Сара сышьҭрақәланы исҳәоит
ҳәа салагом, абри аамӡара згәаҵәахы ҿнакааша, иацтәи
амш инҭиҳәацәаз, инасықәиҳәацәаз зегьы, акаан­мыжькәа
ишәаҳахьеит, ижәдыруеит.
Ажәакала, иныҵак-ааҵакны акәымкәа, имашәырынгьы
акәымкәа, аргама иаартны, адунеи аҿы еицырдыруа
Шьоҭа Русҭавели ипоема «Абжьасцәа зшәу» злаҩу ақырҭуа
бызшәа еицеикит, дахыччеит. Ақырҭуа жәлар аҿа ахаан
инеиҭарҳәо ахьмыӡӷ хамышҭыхә иҭеиҵеит. Ара қырҭуара
ҳәа егьшыҟам, зехьынџьара шаԥсуароу апропаганда
ҟаиҵоит. Ари иаанаго амилаҭ реиҿаргылара ауп. Ари иаанаго, қырҭтәылантәи акоммунисттә партиа имҩаԥнаго
амилаҭ политика аҿагылара ауп. Умар Мқанба, иаартны
ақырҭ бызшәа аҵара мап ацәикит. Уи иаанаго, сҩызцәагьы
сышьҭра ихылааит ауп. Еиҭасҳәахуеит, ақырҭқәа имҩаԥырго
амилаҭ политика, даҿагылоит ауп. Амаҭ ахы анахьуа ауп ар
рымҩа иананиало. Ауаатәыҩсагьы ахы дырҷаҷоит. Макьана,
цқьа ицәа дҭыҵаанӡа, абри амаҭаԥшьгьы иҭыԥ дықәҵатәуп,
ихьшәашәахаанӡа. Абра итәоу анацәеи, андуцәеи, абдуцәеи
раҳаҭыр азы абри иҟалаз аҵыхәала, ҳхы абзиара аҟынтә,
ашшԥхьыӡ алаҳҵом иахьахәҭоу. Зынӡа имжьыжьымкырц
азыҳәан. Амала, абри аҟалаа аҵыхәала, арҵаҩцәа рсовет
иаалырҟьаны иҟарҵаз ала, аҵаҩы Миқанба Умар ашкол
дыҭцоуп. Ашкол аҿтәи арҵаҩцәа зегьы неиқәышаҳаҭны
ирыӡбаз аус, иахьарнахыс хьаҳәа-ԥаҳәа амамзааит. Ашкол
адиректор, Напо Хәупориа.
Абри изласықәыӡбаз «ашьауӷа» даԥхьаны даналга, аам­
ҭазы, аҟыр-ҟырҳәа сааччеит.
– Шәанаџьалбеит, «акы ахьырҳәо, акы ыҟоуп!» «Цәгьа
ахьыҟам, бзиагьы ҟалаӡом!» «Сыуа даан, саӷа дигеит!»
Сҭын­чымхеи, уара, ари аџьныш ибызшәа аҵара саҟәым­
ҵи! – сҳәеит, сыбжьы ныҵамкыкәа.
– Уԥши, уԥши, ииҳәац шиҳәо убома, ани акаркаламышә.
Абз хыуҵәаргьы, зегьы акоуп, арахь иааҭухаанӡа иаҳәац
аҳәоит! – иҳәеит, Напо «иҽышькылкҩы» дахьтәаз.
– Зегь еилзырго, зегь зыриашо аамҭа ауп. Ҳаԥшлап, иаабап уаҵәтәи амш иаҳзаанаго. Напо Олеԥанте-иԥа, акы
сузҵаарц сҭахын, урацәамзар! – иҳәан, Ӡаӡ Самсон-иԥа
иҟәардә иҽынаҟәиҭхеит.
– Иуҭахыу ҳәа, иҳахәарҭоу акыр узҳәозар ара уҟоуп! –
иҳәеит, Напо, Ӡаӡ Санӡаа ицәажәашьа ааигәамԥхаӡакәа.
– «Хык уаԥшны, шә-хык шаҭа!» – рҳәоит Напо Олеԥантеиԥа! Уара ҽеила иудыруама Умар иаб Ирод адгьыл аҵан
џьара, аӷа диҿагыланы дшеибашьуа? Уара иудыруама
Ирод Мқанба иԥсӡгьы мааҩижьҭеи акырӡа шҵуа. Иууазеи, абааԥс, Умар дабиԥазаҵәуп, нас абри макьана иижәша
аӡыхь ахы ыҵнамхыц асаби уеизгьы-уеизгьы, уан димшьызар, уаб димшьызар, абасҵәҟьа иаармарианы уҵәы
цәгьа иқәумыршәар замузеи? – иҳәан, Ӡаӡ Самсон-иԥа
иаарџьаџьаны даацәажәеит.
Итәаз зегьы Ӡаӡ Самсон-иԥа ииҳәаз аӡәгьы иимырҳа­
ӡакәан, рлымҳацәқәа нарықәрԥсеит.
– Иагьџьашәымшьан, оумашәагьы ишәымбан, аԥсы мыж­
да ҵаагәышьоуп, дад! Зегьы рцәа иацәшәагәышьоит! –
иҳәеит, иныҵакны, зықәрахь инеихьаз, агәҭахьшәа итәаз
ҭаҳ­мадак.
– Ӡаӡ Самсон-иԥа уара урҵаҩуп. Хәыҷык уҿы уаԥшны
уцәажәаларц ухәҭоуп. Иахьа ҽеишәа уазымхәыцкәа иааҭ­
ур­ҟьаз уажәақәа, даҽаџьара икшар ҟалоит. Ажәлар рҿы
узкуам. «Абна алымҳа амоуп!» – рҳәоит. Иҳәатәуҳәагьы
акы ыҟоуп, иҳәатәым ҳәагьы акы ыҟоуп. Ара итәоу раҵкыс
уара еиҳа уҟәышымзар, зегь реиҳа упатриотымзар, убыз
ухаԥыц нақәурӷәӷәар, «зхы зҵәахыз ашьынка зегь раԥхьа
ишәит!» убригьы уацәымҩашьо иудыруазааит, уара макьана уҷкәыноуп…
… Абри ахҭыс схашҭӡом сышлеи-сықәи шеиҟарахахьоу­
гьы. Ӡаӡ Санӡаа Кәтол изқәаҭыԥ ахьылхыу санаавалалак,
аҳаҷаҳәа иаасгәалашәоит, ашкол санҭырцазтәи амш хьан­ҭа.
Сааҭгылоит Ӡаӡ Санӡаа Самсон-иԥа изқәаҭыԥ ахьама­доу. Зегьы
иахьырҿырхасырҭоу амҩа ахықәаҿ снымҩахыҵуеит! «Уԥсаҭа
ахьы ахьыршо инеиааит, Ӡаӡ Самсон-иԥа!» – сҳәоит, сыбжьы нҭганы. – «Ҽеи ԥсышьа зауз, ҽеи тәарҭагьы иоуеит!» уҟанаҵ, уҟан, угага уацәшәомызт! «Аарцәы ирҭахыу
иоуп анарцәгьы ирҭахыу!» – абас ааҳәаны, игәы снапы
нықәшьны, изқәаҭыԥ снаԥырҵуеит.
Уԥсы ҭанаҵы егьа бзиара узыҟаҵондаз! Уи адунеи ахьгьы, ахраҭ ахьгьы ӡра-ԥсра ақәлаӡом. Есымша, ацәашьы
иаҵәа еиԥш уԥсы ахаара адгьыл иныҵхахоит…
…Напо Олеԥанте-иԥа Хупориа дыҟанаҵ ашкол ааигәа­
рагьы снарышьҭӡомызт. Аҵыхәтәан, «ақьиа ишьа Анцәа
иуит!» «Напо Хупориа, Картозиа Мырзаҟан илаҳа далыҩ­
рын, ихәда наикәаҵәиит!» ҳәа аарылаҩит хәыл­быҽхак.
Убри ашьҭахь, зышәҟәы блы ҳаухьаз, зыԥсхәы-зыбзахәы,
змарҭхә ҟаҳҵахьаз, зышықәс цәымза аҳаркхьаз сабгьы
дхынҳәит, иаалырҟьаны иҩны ичамҩахә ҟалеит. Убри инаркны, саргьы даҽакала исыхәаԥшуа иалагеит. Ашколи сареи
ҳаиӷара ԥшак ныбжьасит. Уи аахыс шәынтә иқәасит, шәынтә
иӡысит. Ақырҭуа рҵаҩцәагьы, «лымшара-кәашарахан,»
лахә-лахәы сыхәаԥшра иаҟәыҵит. Ашкол сҭыҵижьҭеи
шықәсык инареиҳаны иҵызаргьы, зегь акоуп, ашкол ахь
схынҳәит!...
***
Агәалашәарақәа, агәалашәарақәа! Игәырмаҷгазаргьы,
игәыҟаҵагазаргьы, зхәыҷра инаркны, зыҿҳәарамш ашә­
хымс аҟынӡа, зыхҭыс мшқәа ргәыбылреи, ргәырӷьаӡи
згәалашәо насыԥ имоуп! Убри аԥсҭазаара аҟәыҵәа аганахьала, сыхҭыс мшқәа рцәылашараҿ, акәтаӷь ԥымҽӡакәа,
адырдхеиԥш, исывагьежьуазаргьы, хыхь ишысҳәаз еиԥш,
аԥсҭазаара саргәырӷьа, сарҵәуа, зегь акоуп, ишыҟаҵәҟьаз,
мшаҽнеиԥш исгәалашәоит. Иҟоуп убас хҭыск, иагьа ихәы­
ҷызаргьы, егьа ашықәсқәа рӡеибафара, аӡыблара агәыҵ­а­
наххьазаргьы, мшаҽнеиԥш иҿыцҳҳараӡа, ухәыҷра иҭугаз
угәалашәарақәа рҿы иаанхо. Аха иҟахуп даҽа хҭысқәак,
шәымҭақәак реиҳа нарха змауа.
Уахатәи аҵх имшаӡо, сымала заҵәык аҵәылашьца
сахьаларшәу, Напо Олеԥанте-иԥа Хупориа идагьы, исгәа­
лашәаз даҽа хҭыск, аԥхьаҩ улымҳа аҟынӡа иназгар сҭахуп.
Абри сымҳәацкәа, аргама, ҽык акьыр-кьыр бжьы ҵхабжьы
агәы неиҩнахит. Убри инақәырццакны, иӡыӡымкуа, ахьтәы
ҵәҵәа еиԥш, ҩаԥхьа акьыр-кьыр бжьы ԥыххаа аҵх ҵәцашра
иналаԥсеит!..
Схәы-сжьы қақаӡа иҩеилагылеит. «Абыржәыҵәҟьа
уӡбахә сҳәарц сгәы ишҭакыз еилукаама, Хьышьаш?» –
сҳәан, ахьшәҭҳәа аиарҭа снықәтәеит. Ишап-шапуа сԥеин­
џьыр ахышә икылыԥхоз ашаеҵәа заҵәык акәын. Абжьарак,
зехьынџьара хаҳә-ҭынчра-иҭынчран. Уаҳагьы Хьышьаш ауазыр бжьы смаҳаӡеит.
Анцәа улыԥха ҳаҭ! Анцәа ҳрыцҳашьа! Анцәа ида знапы намӡо, зшьапы намӡо, еиҭаҳәашьа змам мчык, доуҳак
ыҟоуп. Хымԥада, доуҳак ыҟоуп, Хьышьаш абжьы гәыкыҵәыкуа абранӡа исзаазгаз! Схы-сыԥсы аҵх ҵәца иналакны сеиҭаӡырҩит. Аха ҭынчран, ҭынчраӡан. Хьышьаш абжьы
уаҳа исмаҳаӡеит. Аха есымша еиԥш, иԥашашо, аҽԥырха
агәыҵҳәаны, иҽырԥа-ҽырԥо саԥхьа иаагылеит.
Хьышаш аҽҵысра инаркны, иҽыҩхаанӡагьы ҟазшьа­
хәырас иамоу зегьы ашьапхыц инаркны, раԥхьатәи аԥырцә
ахәыҵласа аҟынӡа, зегьы-зегьы здыруеит. Знык ианықәырқәырлак, иаҭахыу иаразнак еилсыргоит. Каҳада-ԥҽыда
иааӡыӡымкны, ашьацәқәысра ианалагалак, иаҭаху зегьы
здыруеит. Адгьыл аҿы аҽынкаршәны абылгьара ианалагалак, уажәы ҳкәараҿы аӡыжь иаларгыланы, иӡәӡәа-иҳәҳәа
акәабара гәхьаанагеит. Иааӡыӡымкны, иаазқәаршәшәаны
ашьацәқәысра ианалагалак, аҩра шыгәхьаанагаз здыруан. Уажә уи анысҳәа, аҳаҷаҳәа иаасгәалашәеит, ҵхы ссирк
ауыха, саншьа ду Чмыт иҟынтәи шьапыла саауан. Аиҩхаа
сынҭысын, макьана алаԥш-ҿаԥшы шсымаз, ҳара ҳахьынхоз
ахәы ԥшӡа сынхалеит.
Амзаҭәымҭан. Аҽынтәи амш ԥхьацаны, амза шылашара
илашахьан. Ашацәа ртәарҭа адәыхәхәаҿы саннеи, сааҭ­
гылеит. Аухатәи аҵх убриаҟара ихаан, убриаҟара иԥшӡан,
ҿыки-бзыки ирзеиҭаҳәомызт. Зқьыбла хьыбла еибар­
лацәҟәуа, аҳәҳәыҳәа, жәҩан ҵауыла аӡыжь ҵамҵамра
ахыԥсалара иаҿын. Амза еилаарцыруа, ацәарҭәа еиԥш, бҩа
лагьанҵас икыдыз, жәлары зегьы рхьарахә зҭархьоз иныга
ду кны, амза агәҭаҵәҟьа данԥхалон адауы.
«Нан, иубома ани Анцәа имза! Дунеи иқәыршаз
ауаатәыҩса зегьы рхьарахә зҭархьо, ишыц ныга ду кны,
амза агәҭаҵәҟьа адауы дахьангылоу?» – лҳәеит, уахык, сан
уаха еиԥшҵәҟьа аҵх каииы, ҳахьатә кәасқьа абарҵаҿы
ҳахьтәаз. Убригьы абыржәы иахьеиԥш иаасгәалашәеит.
Зыда уаҳа иҟамлацыз аухатәи алакә ҵхы сарҭаслымын,
даҽа шьаҿак сзыҟамҵакәа, Анцәа исԥигалаз аҵх ссир сналагылеит. Ашырԥазтәи ацәылашара ашәахәа ахьнаршаз­
шәа, Ашацәа рдәыхәхәа мза-мырхәагала ихыхәхәон…
Аеҵәа рбызшәа здыруазҭгьы, иҟаларын рцәажәашьҭыбжь
саҳаргьы! Иҟалаларын, адунеи ахаан аахысгьы, аӡәгьы
иимбац, аӡәгьы имаҳац аеҵәа рымаӡа еилыскааргьы. Убас
иҭынчран, убас иҿаҳа-ҿымҭран, абыржәымзар-абыржәы
Анцәа имаалықь ажәҩан дналԥраап угәахәрын. Убри
аамҭазы, апыҟҟа-апыҟҟаҳәа аҽышьҭыбжь ԥыххаа аҵх агәы
инҭаԥсеит. Цәалашәарак снаруалыуашеит. Изқәысҵара
сзымдыруа, аҽышьҭыбжь ахьгоз ашҟа сынхьаԥшит.
Ашәахәа шкәакәа еиԥш, аҵх иалаӡсо инеиуан Хьышьаш.
Исызгәамҭаӡакәа, сгәырӷьара ихнахыз сылабжышқәа
нхаддылан, снеиҭаҟьан, сывараҿы игылаз аҭәаҵла сыҽ­
навасыршәаҟьеит. Аурҭ еиԥш инеиуан аҽыхәа иаҵәа хиаало! Адәыхәхәа иакәшон Хьышьаш ахала!..
Зҳарҭа-сырҭа узгәамҭоз аҵх ҭынч сыԥсы алаӡаны
сыԥшуан. Аҽкаршәны адәыхәхәа иакәшон аҽыхәа. Сыԥсы
ӡаны аҭәаҵла савагылан, сгәанаҭар ҳәа сшәон. Саԥырхага­
хар ҳәа сшәон. Хьышьаш анасыԥ, уахатәи агәырӷьаҿҳәаша!
Уаха иара заҵәык акәын аҵх нцәахәыс, ныхахәыс иамаз.
Аԥхыӡ еиԥш ишьҭыԥрааны ишааиуаз, сывараҿы ианааи,
Хьышьаш аақәыр-қәырын, абырлаш ԥырцәқәа нақәыԥсаны,
иџыџӡа иаангылт. Инымҩахыҵын, сахьгылаз иаасыдгылан,
ҩаԥхьа иаақәыр-қәырын, ахы насыднашьылеит.
Ахәда снапы накәсыршан, алахь аасшьышьит. Анаџьал­
беит, «Аҽы ауаҩытәыҩса ишьа алоуп!» ҳәа ҳабдуцәа, урҭ
рабдуцәа ирҳәоз, аиԥш иаша ҩыцаҵәҟьоу. Ауаҩытәыҩса
иеиԥш игәыкы-ҵәыкуа исыдгылан Хьышьаш. «Ацәанырра
цқьа, ауаҩытәыҩса еиҳагьы, аҳаиуан еиҳа иамоуп!»
ҳәа сабду зны иҩызцәеи иареи, ашҭаҿы амжәарбаӷь
ашәшьыраҿы итәаны иахьеицәажәоз ииҳәаз ажәаԥҟа,
абыржәыҵәҟьа акәушәа слымҳа инҭнашьшьааит. Изхыс­
ҳәааз, сара иџьасшьон, иахьа иаҳагьы иџьасшьоит,
ишеилашәшәра ааилашәшәымҭаз, Хьышьаш сара самбеит, самаҳаит, сацәыхараны аҭәаҵла сҽаваӡаны сахьгылаз
сызлагәанаҭаз, сара шсакәыз злаздырыз. Уи амаӡа иахьагьы, уаҵәгьы, уаҵәашьҭахьгьы, быжь-кәалаԥк, быжь-цаԥхак
рҿоуп. Уи адоуҳаи, ацәанырреи рымаӡа сара сзы ахаангьы
быжь-хьы кәалаԥк ирҭацаԥхоуп.
Ацәаныррагьы шьцыларазар акәхап. Изхысҳәааз, Хьышьаши сареи ҳаиҩызара иит, иазҳаит, ианыҽҵысыз инаркны.
Убасҟантәи ҳаишьцылара акәхап, Хьышьаш ацәалашәара
шанагьы зхылҵыз. Уи ибзианы иадыруан, ес-хәылбыҽха,
ҳаҵаҟа, лаӷәашь аӡыжь иаларгыланы ишыскәабоз. Знык,
шьыбжьышьҭахьрахь амра анынҭагьалалак, ахкаара ааныжьны, ҳгәашә илагыланы иныҵакны акьыр-кьырра иалагон. Хыхь ишысҳәахьоу еиԥш, акәабара аамҭа анааилак,
адырра снаҭон. Хьышьаш кәабара изгаанӡа, аԥш абҩа лагьан ианыԥсаланы инамҵасыргылон.
«Есы-шьыжь, есы-хәылбыҽха, ӡаҩак-ӡаҩак аԥш ҿырпы
аҽыҩ уеизгьы-уеизгьы иаҿаҵалатәуп, ашьамхы арҵар­
уеит!» – иҳәон, Хьышьаш азыҟазҵоз Есыф Бжьаниа.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Ашацәа ртәарҭа - 21
  • Büleklär
  • Ашацәа ртәарҭа - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3232
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2131
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3273
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2117
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3329
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3315
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2183
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3290
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2232
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3276
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3313
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2219
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2209
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2143
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3283
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2201
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3300
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3307
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2214
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3134
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3249
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2178
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3223
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3199
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2051
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3275
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3202
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2199
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3231
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2138
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3271
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2219
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3268
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2180
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 2599
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1823