Latin

Ашацәа ртәарҭа - 14

Süzlärneñ gomumi sanı 3300
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
«ԥу» изырҳәаҵәҟьозар акәхарын. Аухантәарак, абарҭ зегьы
шеидихәыцлоз, ашарагьы адәы инықәлеит. Аха абри-абриами ҳәа акаҿы дзазкылымсит Алмас.
Алмаси Мадинеи мышкы еибамбар ззымчҳауаз, рыб­
ла­қәа неиқәымԥшӡакәа мчыбжьы наҟьак нҭакәкәа иаан­
ҵәеит. Убри инаркны, аҩ-ҭаацәаракгьы дара ирышь­
клаԥшуа иалагеит. Ес-иҟарҵалакгьы урҭ реиқәшәара
дырманшәаломызт.
Амаӡа быжь-цаԥхак аҿоуҵаргьы, знык аӡәы иҿы
инҭшәаз, ҵәахышьа амаӡам. Хмыҷи Кьаӷәсеи ргәы иҭаркыз
аус аҵыхәала Мадина егьлыздырӡомызт. Илыздырӡомызт
лхаҟара бзиа илбоз, нцәахәыс илԥхьаӡоз лаб гәакьа инапала лынасыԥ аҟәараҩа ишылаиршәуаз; илур – хаала,
мамзар мчыла диҭиирц, Анышәцхаҳә ақыҭан инхоз Абзагә
Амаба ишҟа ауаҩы дышдәықәиҵаз. Аҭацаагацәа иманы
уаҵәашьҭахь ауыха лгаразы иаараны ишыҟоу инаркны,
зегьы-зегьы Алмас иҩыза ҷкәынак иҿала Мадина адырра лиҭеит. Инеиз аҷкәын ила еилылкааит, Хмыҷ Алмас
изынаицҳаз иажәахәгьы. Абарҭқәа зегьы рышьҭахь, Мадина дшыҟаларыз атәы ҿыки-бзыки ҳәашьас ирымоузеи, дад.
Ирҳәоит, ауаҩы даниуа х-насыԥк ицыршоит ҳәа. Даниуа, аҭаацәара даналанагало, идунеи аниԥсахуа. Знык
ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҿы аҭаацәара даналанагало,
дшьацәхныслар, изыхҟьа-ԥҟьалакгьы, иара ихатәы иара
ихала аӡбашьа дақәымшәакәа имҩахҟьаз, насыԥк ицәы­ӡит,
уаҳа рҽеишьагьы аманы изыҟалаӡом.
Убас рыхьит Алмаси Мадинеи. Ишьахәуп, изыхҟьазаа­
лакгьы, аҵыхәтәан рыхшара рынасыԥ мап ацәыркзааит,
аха жьи-напхи еиҟәызххьадаз, дара ргәы иҭаркыз
нарыгӡандаз, уи Анцәагьы дақәныҳәарын. Усҟан азныказы рҭаацәа ааҟьаԥчаԥыргьы, ԥсраҽнынӡа изеилыҵрымызт.
Мышкызны, ак ҟамлаӡазшәа, анкьеиԥш, рынасыԥ хыхәхәо
еиҭааилатәарын. Аха «Чан мча, хәҷышьҭахь ча» ҳәа ушьҭа
иуҳәеит ҳәа изхәарҭагәышьоузеи!
Зегь аамҭалоуп, дад, ацәҳаргьы ацәа анахыҵуа ауп
ианахыхтәу, акәымзар, нас… Знык ииасыз, ицаз, иԥсыз,
аеҵәа кыдуԥааргьы хнырҳәышьа амаӡам, аха игәырмаҷгагәыҭшьаагаха, уҟанаҵ аҵәымӷ жьакца еиԥш угәахы иналагылоит.
Мадинеи Алмаси егьарундазгьы, егьарҳәандазгьы изыхшаз рҳәатәы изахымԥеит. Мадина лҭацаагацәа уаҵәуха
иаараны еиԥш: «Уаха сзыхынҳәуам» ҳәа нараҳәаны, ихы
ахигарц архаҟа дылбааит Кьаӷәса.
Мадина шьыжьы аахыс, лгәы алаҟа, лхы алаҟа, аб­жьааԥ­
ны еиԥш, ахьыр-хьырҳәа дыччо, дгәырӷьаҵәа аҽнынтәарак,
аҩнқәа дрыҩнагьежьны еиллыргеит, ды­ӡәӡәеит, дыҳәҳәеит.
Ари лан иахьылбоз, мҵәыжәҩада дзыԥыруамызт, акәымзар
уаҳа егьлыгмызт.
– «Ди, уаха снапала ӡык бықәысҭәар сҭахуп!» – анылҳәа,
Мадина лан лыԥсы аҩҭкаарагьы уи ауакәхмыз, дынҭаршәны
дылкәабеит, дылшьышьит. Дгәыдкыла-хыдкыла, днаганы,
дшьашьаӡа днышьҭалҵеит.
…Арбаӷьқәа аккаҳа ианааиларыԥсоз, ашамҭазы, агәақь­
ҳәа ахысыбжь аҵх неиҩнахит. Лан ажәымҭацәгьа илыхьыз-илзааз лзымдыруа, дныҩнаҵәаан, дихьыс-еи­ԥысуа
лыԥҳа дналхаххит, аха дабаҟахыз, ҳаӷа имышхара, лыхәда
хьыхәхәа ацәарҭаӷәы деиҵыхны дықәын.
Мадина лан лыцәа аԥсымҭазаргьы, лыцәа аԥсымҭоуп
анылгәахәуаз, заа ирхианы лыхчы иаҵалҵахьаз лаб икәтыц
кьарахә ааҵылхын, абас ҟалҵеит дад.
Мадина лхы-лыԥсы аҟара илҭахыз димҭакәа, ахаан
лгәы ззымцацыз ауаҩы дицымцар ада ԥсыхәа шамамыз
анеилылкаа: «Сара сзыҳәан гәырҩамзар гәырӷьара зцым
аԥсҭазаара, ԥсраҽнынӡа игәырҩаго, агагеиԥш адунеи
сықәзар аҵкыс!» – лҳәазар акәхап, Алмас дымбаӡакәа,
ажәакгьы убри аҵыхәала инеибымҳәаӡакәа, лиеҵәахә цқьа
имлашацкәа, абас адунеи лхы аԥырылгеит.
Раԥхьа лылацәа анаахылт илбаз, убри нахыс лхылыԥсы, лгәы зылҭаз гәыӷырҭас илымаз, лыԥсҭазаара зырлашоз, иххаӡа лгәаҵа иҭаԥхоз лынасыԥ ацәашьы, ашамҭазы
лынарцә гәашә дныларгыланы, лыхраҭ мҩа шарлашоз мацара, аҵх лашьца иналакьаҭа ицеит, дад. Акаамеҭ ззыҟалаз,
Хмыҷ дназлаз рани раби рымала рҽырзымшьуа агәысакара
иаақәхеит.
Абри аҩыза ахамышҭыхә аныҟала ашьҭахь, ацәгьеиабзиеи акырқәа ирыднагалақәахьаз ақыҭантәи абыргцәа,
аҟазацәа иахьагьы-уахагьы Кьаӷәса иҩны итәаны ирабжьо иалагеит. Дара реиԥш, ари аҩыза моу, еицәоу агәаҟра
иақәшәахьоугьы шыҟоу, аха агәырҩа рхы шарымҭаз.

Уаҩытәыҩсак иҟны иҟамлацыз ҳзыҟалеит ҳәа рхы
шдмырччархәша, аӷа игәырԥса шрықәдмыршәаша уҳәа
уахгьы-ҽынгьы иааихмырсыӷьӡакәа, алшықәсанык абри
иаҿын. Аха аханатә аахыс, зегьы зхароу дара шракәу, рнапала рыҵәҩан шьапы шыҵырхыз, рымала ржьы шырфаз
зегьы неидхәыцло, есышьыжь, есыхәылбыҽха, ала амгәа
аԥа ҭшьаауа, лыӡӷаб лнышәынҭра дықәтәаны, аккаҳәа
амыткәма шылҳәоз мацара, лгәырҩа лҽылзалымхӡакәа,
Мадина лышықәс анаанҵәоз, дынкаҳан дыԥсит, Кьаӷәса
иԥшәма ԥҳәыс.
Абри ашьҭахь, Кьаӷәса егьа ихы иҟажарц, ихы никыларц далагазаргьы, алуажә еиԥш дууаӡа аҩны данааҩнаха,
хәыҷы-хәыҷла игәырҩа дыҵнашәааит, дҵыкәкәеит, игәы
бжьысит. Анкьа еиԥш ичча-ихәмар, гәырыӡ-шашәаӡ иныб­
жьахәашеит.
Кьаӷәса иӡӷаби иԥшәмеи анышә иамеидеижьҭеи такә
ҵит. Аха ахаҵа игәырҩа мшаҽнеиԥш, уахгьы-ҽынгьы амца
ицранаҵон.
Ҽнак, шьхацан, Кьаӷәса иҿы дааит иҭынхак, Кьаӷәса
ашьха дигарц.
«Ҳауак уфап, узышьцылахьоу ашьха тәыла унықәыԥшаақәыԥшып, ухы-угәы ухоуршҭып», – иҳәеит, уи ауаҩ.
Аха Кьаӷәса: «Ушьҭа сара сышьхацара нышәуп!» – иҳәан,
имуӡарц иақәикит, аха егьыгьы иҽирӷәӷәан, дақәыршаҳаҭны
ашьха диманы дцеит…

***
Кьаӷәса ашьха аҭыԥ аҿы, зынӡа игәырҩа дахәаҽӡо­
шәа аниба, дахьнықәлаз, ихы иазиуу, машәырхоу, иахьагьы аӡәгьы изымдыруа, ахра дагеит, ибаҩгьы-ишаҩгьы
рзымԥшааӡеит. Убарҭқәа зегьы рышьҭахь Хмыҷ дыԥсымкәа
дыбзамкәа, ҳамҭак уара иуқәшәиша дшыҟазаара дыҟан,
аха лассы-лассы ачымазарақәа дыхҭаркуа рҿаархан, уа234

хык зны аԥсрахьы ихы ирхеит. Егьаумҳәан, дҟәышмзи,
ихы дақәымгәыӷуашәа аниба, Алмас дааиԥхьан, абас
иеиҳәеит:
– Дад, Алмас, сара уашьҭа сыҿҳәара ааигәахеит,
егьшсызмырҽеиуа збоит. Сыԥсы шҭоу иуасҳәарц сҭахуп,
уара уҟынтәи сара агәнаҳа сызҵоу хыхшьа сымамкәа,
сынарцә гәашә ишҭазгало. Аха иара уахьгьы акрыҟан
иҟазар, уан рыцҳагьы сналышьҭуам. Убри исымпыҵҟьаз
агәнаҳазы, џьаҳаным ацәаршы ахәараҳәа иахьеилашуа
сҭарблып. Уахь храҭахь сзықәшәалакгьы сақәшәааит, амала, уара саҭоумҵан. Ҵоуп, уара уҟынтәи сара исықәнамго
егьыҟаӡам, аха ауаа рҟынтә, ахьӡи-ахьмыӡӷи урызхәыцны,
сықәлацәа сдырҵәуа, сырҽеины сымҩа сықәҵа. Убри
анаҩыс, иахьа узаасыԥхьаз ахаҭаҵәҟьа уасҳәарц сҭахуп:
Уара усҟан аарла хәышықәса ухыҵуан. Мадина
хлаҳәада дыӡҟны дгаран. Мыш мыждак аҽны, шьжьымҭанк,
Кьаӷәса сиҭааит, уара ухьӡала Мадина лааӡарҭа сиҭарц.
Шәҩеидасыр, ларгьы-уаргьы шәеинасыԥхарц. Кьаӷәса, сҿы
ԥымҽкәа, дысзыразхеит. Убысҟан, адунеи азна сгәырӷьан,
Мадина лгара снахагылан, сныҳәа-ныԥхьаны, амаалықь
лгара сҿаҟәеит…
Шәара шәхы жәдыруа шәаныҟала инаркны, шәааиц­
рымҵӡакәа шәеицын, шәеибамбаргьы жәуӡомызт. Уи
ҳара иахьаабоз, иҳанмырԥшӡакәа, иаҳзымшаԥшаран. Усус, шәҩеидасит. Шәынасыԥ ҳалагәырӷьарц егьҳагӡамкәа,
амҟәыл ҳазкаҳит. Иахьа уажәраанӡа абри иуасҳәаз амаӡа
аҵыхәала, ԥсы зхоу аӡәгьы издырӡом. Издыруа ииасхьеит,
иахаану, инханы иҟоу сара аӡәзаҵәык соуп. Абри амаӡа
сара исыцыԥсыр сҭахӡам. Мадинагьы уаргьы шәҭаацәара
еиқәышаҳаҭны, шәынасыԥ шыршахьаз. Дара рнапалагьы рынасыԥ шырфаз, абри удыруазар сҭахын, дад. Абри
сыԥсымҭазы сгәы иҵхон, сартәомызт, саргыломызт. Уашьҭа
сгәы сырҭынчит. Ушьҭатәи сыԥсра, ԥсроуп ҳәа исыԥхьаӡа­
ӡом, – иҳәан, ԥсы зхаӡамыз инапы ԥсадақәа ҵыс-ҵысуа,
иаԥхьа итәаз иҷкәын Алмас инапы неиԥхьишьшьаан,
илацәақәа неиқәиԥсеит.
…Урҭ зегьы рхы аԥырыргеит, иҭынчуп. Илыбаргәузеи
Мадинагьы, лдунеи дықәнаҵ шьац змырҟьацыцыз,
акәтыҵәҟьа рыцҳашьаны ахӡы алзмыршәацыз, аҳәыҳә
иаҩызаз аԥҳәызба! Акрыҟазар, амаалықьцәа рымҵәыжәҩа
дыҵакны, ажәҩанахь дхаргаларын. Лтәарҭагьы зтәарҭада,
згыларҭагьы згыларҭада. Амала, абзацәагьы ирҭахымкәа,
аԥсцәагьы дрымго, амзажә еиԥш, цәгьа мга ҳәа, зегь зцәа
иҭагӡо адунеи иқәхаз иара Алмас лахьынҵацәгьа иоуп
акәымзар.
Алмас иахьагьы дыҟоуп, дад, Иаб Хмыҷ иқәацә ашә аартны, лҩаҵәк наишьҭлоит. Абри ахәы аҟынтәи уи алҩаҵә збо,
абра иҟалахьоу аҟалаа иахаанымзаргьы, аӡбахә заҳахьоу
амҩасцәа аангыланы: «Ҳаи, ахәашақәа, рхыдара азыҳәан,
ауеиба иеиԥш инхоз-инҵуаз ҩ-ҭаацәарак шԥақьаԥҭажәцуҭажәхеи, ажәрацәгьақәа»– ҳәа аҵанӡа иаақәыԥсычҳаны,
рылахьи-рыџьымшьи ааӡатәны, ҩаԥхьа рымҩа инықәлоит.
Аиеи, дад, қьаԥҭами нас, қьаԥҭоуп, Хмыҷ инхарҭагьы,
қьаԥҭак аҵкыс излеиӷьузеи!..
...Ианаашалак, Алмас илаба иҽанҵаны, агага еиԥш, дги­уа
абарҭ ахәқәа рахь даақәлалоит. Алашьцара иааимнахаан­
ӡа, дгәыԥшаа-хыԥшаауа, ақьаԥҭа иххалаз алҩаҵә еиԥш,
абри ақьаԥҭа дықәтәоуп. Уаҳа, дахьынаԥш-ааԥшлак,
ишьҭахьгьы иаԥхьагьы аӡы ықәыршоуп. Акы заҵәык,
абнахьхьитәи аҵәаҵла амҵа зызқәаҭыԥ ылху Мадина
лыбаҩ-лышаҩ шҵыҭәахахьоугьы, иахьагьы гәыжьжьагас
имоуп. Анышәынҭра агәы дықәтәаны изхара длацәажәоит.
Уи иахьагьы мшаҽнеиԥш бзиа дибоит, Мадина лдунеи
анылԥсахыз амш инаркны, Алмас иԥсҭазаара лара илымеидеит. Аҭацәарагьы даламлакәа, иҿара зегьы аҟәаршра
инылаӡит.
Уара, дад, макьана ашьац ԥшқа уаҩызоуп. Иужәша аӡыхь
ахы ыҵнамхӡац. Уԥсҭазаараҿы уманшәалахааит. Уареи са236

реи ушьҭа уаҳа ҳаибамбозар акәхап, аха егьаурым. Сара
ишкәакәаны исфа, еиқәаҵәаны исфа, схәы сфахьеит, схәы
згахьеит. Ушьҭа ари анышә еиқәаҵәа саҵҩахеит ҳәа рацәак
ихьаам. Амала, уара умҩаҿы иухәашеи, иуԥырхагахашеи
иуԥыло макьана ирацәоуп. Умыццакын, дад, уахьыҟазаалак,
узықәшәозаалак, ацәгьа угәы иҭоумкын. Иузыразым ауаҩы
ӷарҭахәыс дҟоумҵан – уивс. Аиҳабы уизыӡырҩ, аиҵбы
уизхәыц, амала, есымша уара утәы умаз. Хазыс-ԥсазыс
ҳәа аҭаацәара уҽалоугаларц угәы ианҭоукуа, егьаҩ егьа
рҳәаргьы, аӡәгьы уизымхәыцкәа, уара ухы-уԥсы иалнахыз,
уара ухаԥышәала даага. Уабацәа инрыжьыз ақьабз бзиақәа
коумыжьын, иумырӡын, иҽеим, унасыԥ иаԥырхагоу ааныжь,
иумшаҭан, абри ухоумыршҭын, дад.
Аиеи, дад, аиеи, Анцәа уирманшәалааит, сара абас хәыц
еиқәаҵәак сыларшәымкәа сҟәашӡа сзыршлаз.
…Аҭаҳмада ацәажәара дааҟәыҵын, абжьааԥны еиԥш
ҩаԥхьа илымҳа инапы надикылеит, аха ажәак мҳәаӡакәа,
еиҭа неирҟәын, ишьамхы инықәҵаны дынкахәыцит…
Сара маҷӡак иадамзаргьы саахәыц-мыцыр ҳәа сшәон.
Сшәон, избанзар, аҭаҳмада иажәабжь саашьҭԥааны, сара
сзы иҿыцыз дунеик сықәнагалахьан. Саргьы суаҩын, аха
сара уи адунеи аҿы избоз ауаа зынӡак ихазын. Дара ртәы
аасҭа, са сдунеи иқәыз ауаагьы, иара адунеи ахаҭагьы
рҽырыԥсахӡахьан. Сара уажәы даҽа дунеик аҟынтәи
сынкаԥрызшәа, ҿымҭӡакәа, иџьашьо-илакәшьо избоз зегьы срыхәаԥшуан, егьрыцҳасшьон, егьрыцҳасшьомызт.
Зны среилаҳауан, зны исцәымыӷхон иаазбоз ауаатәыҩса
санрылаԥшлак. Урҭ зегьы рыцәгьеи-рыбзиеи шеиҟараз
агәра згон. Аха зегь акоуп, срыхәаԥшлар сырзыӡыҩлар
сҭахын. Убри аҟынтә сахьтәаз саақәацар ҳәа сшәон.
Саақәацар, абри аҭаҳмада иабацәа рдунеи иқәу ауаагьы,
иара адунеи ахаҭагьы сылаԥш иныҵшәаны, ӡшәахҵас
иныҵаба ицар алшон. Сара цқьа еилыскаарц сҭахын,
зыҷкәыни зыӡӷаби шысабицәаз рразҟы зшахьаз Хмыҷи
Кьаӷәсеи рҿаҳәатәы аҟалара ианалага, рҳәахьа мап ацәкны,
ирыхшаз изырҿагылаз. Урҭ рынасыԥ рнапала изырхәаҽыз.
Убри аҵыхәала, ҩыџьа срызҵаарц сҿынасхеит. Аха
исзымгәаӷьыкәа, сцәа сааҭаӡыӡеит. Адунеигьы сыбла ихгылаз ауаагьы, слаԥшҵашәарақәа ныҵаба ицеит.
…Аҭаҳмада
аҭаҭынжәга
ацәымса
ахеиҵахьан.
Абыржәыҵәҟьа сгәы еиҭааҭыхеит абри азҵаара! Хмыҷи
Кьаӷәсеи рыӡӷаби рыҷкәыни иаалырҟьаны мап зырцәыркыз.
Аҵыхәтәан сагьиазҵааит аҭаҳмада:
– Аа, Хмыҷи Кьаӷәсеи ахәашабгақәа рхәыҷқәа зыхдыр­
ҟьаз даҽакӡоуп, дад! – иҳәан, ҩаԥхьа ацәажәара дналагеит
аҭаҳмада. – Аԥхьа ишысҳаз еиԥш, Мадина қәрахьымӡа ахы
анлықәшәа, еигәныҩны, ауа аҭынха зегьы еизеит. Хмыҷи
Кьаӷәсеи еишәара-еиҵараха уа игылагәышьан.
Алмас аҳақьым диманы данааи, Мадина ашьалабара
даҿын. Абри аҳақьым мыжда Алмас ишьа анилихуази, Мадина ианлылеиҵози Хмыҷи Кьаӷәсеи назлаз зегьы ирбеит.
«Ахәра аҭыԥ ӷьаргьы, абз аҭыԥ ӷьаӡом!» – рымҳәои, дад!
Абри бызганы иаарыларҵеит…
«Аҳақьым Алмас ишьа илхны Мадина илылеимҵар, шәԥсык лхазаргьы ԥсык лхахомызт. Аҳақьыми Алмаси рыԥсы
лхоуп Мадина. Хмыҷрааи Кьаӷәсарааи иаагылазаргьы бзиа
еибабон, ҳаҭыр рықәеибаҵон, аха ушьҭа зынӡа дала-шьала еилахәхеит. Мадинеи Алмаси ршьа еиларҵеит. Ешьеиеҳәшьеи ракәхеит!» – рҳәеит. Убригьы азмырхакәа, Мадина
дангыла, Кьаӷәса ииҭахыз, дызҭахыз иҩны инеины:
«Кьаӷәса, Анцәа иџьшьоуп, уразра ухьӡеит. Уԥҳа
заҵәы деибга-дызҩыда Анцәа дузеиқәирхеит. Ԥҳа
заҵәык слыхәаԥшуеит шуҳәоз, ушьҭа аԥагьы думоуп» ҳәа
идныҳәалара иалагеит.
Хмыҷ иакәзаргьы: «Ԥҳа дурҳаит, лхы абзиарашақә, амшразы Мадина ахы лықәшәон. Аԥсҵәуаҩ гәакьа Анцәа
дуиҭеит. Хмыҷ, уԥагьы уԥҳагьы рыхирра убааит. Анцәа
ишәаҭәеишьаз шьала шәеилахәра, амшра ацзааит, аҵхра
ацзааит!» ҳәа хазы Хмыҷгьы илымҳа аҭшьаара иаҿын.
Абарҭқәа зегьы рышьҭахь, Алмаси Мадинеи реинасыԥхара
Хмыҷи Кьаӷәсеи маҳагьараны ирыԥхьаӡеит. Убри аҟынтә
инеидтәалан, реиуара рҳәаргьы реиҭынхара рҳәаргьы, аныха аҭоуба рҳәаргьы, аҿарԥақәа наҭаны, рынхара-рынҵыра
қьаԥҭажәыртәит, илашьҭа-ҳәашьҭартәит. Абри ауп, дад, Алмаси Мадинеи рынасыԥдара рлахьынҵацәгьара зыхҟьаз.
Аҭаҳмада иажәа далган, ихы дааҩахан, ажәҩан
днаҵаԥшит. Иаалырҟьаны ажәҩан инаҵеибаҳәаз аԥҭа
црышқәа, асар реиԥш еилашьшьы, жәҩангәы иҵеибаҳәа
ашьхарахь ацара иаҿын.
– Ааи, анаџьалбеит, анаџьалбеит! – даақәыԥсычҳан,
иблақәа ԥшаауа ишнеиуаз, нарцәтәи ахәы ԥшӡа илаԥш
иааҵиган, ииаҵәҟаҟараӡа аҵлара иларшәыз адәҳәыԥш
иблақәа нарыдхалт…
Игәнигон риашашьа змамыз игха. Игәырҩон, иара
изымгәыӷьреи, игәшаҭареи ирыхҟьаны, ахааназ аҟәарашра
ицәылашәаз инасыԥ. Дыԥшуан аҭаҳмада, аха ицахьан,
ицаӡахьан хнырҳәышьа змамыз Алмас иҿара!
«Ауаҩытәыҩса игәы иҭоу игәы иҭазшьуагьы, ауаҩ
иоуп. Игәыхәтәы дахьызыгӡогьы ауаҩ иоуп! – шырҳәо
еиԥш, «ажәа ҭҟьара хыҭҟьароуп!» Изҳысҳәааз, абри ахҭыс
ҟалеижьҭеи акыр мши-ҵхи еихала-еихыҵхьеит, аха иахьагьы ахыжә еиԥш, аҵәымӷ жьакца еиԥш сгәы иалагылоуп. Сымԥсуа-смажәуа алаҳәа шкәакәа еиԥш хышә шықәса
сыԥсы ҭазаргьы исхашҭӡом. Уи аҽынтәи амш, аԥхыӡ цәгьа
еиԥш, иахьагьы исыцуп. Адамра иҭыҩуа ашәышә бжьы
еиԥш, иахьагьы мшаҽнеиԥш сгәы иқәыҩуеит.
Ауаҩытәыҩса насыԥда ацәгьагьы ихашҭӡом, абзиагьы
ицыԥсуеит, ус Анцәа дишеит. Уажә абарҭ зегьы ҿыцҳҳараӡа
исгәалазыршәаз, абыржәыҵәҟьа зхы еиқәысҳәалаз,
ҳалалра игымкәа, злахьынҵа аҟәараҩа илашәаз Шәача
Хмыҷ иԥазаҵә Алмас иажәабжь ауп.
Ажәа ҭҟьара шхыҭҟьароу былгьы ҩацоуп. Ажәлар
рхацламҳәа ахаҳә еиҩнахуеит. Аӡ-хьамԥшгьы ахәараҳәа
иаршуеит. Ҩажәак еихысҳәаалоит.
«Ахәы ԥшӡа» захьӡысҵаз Алмас иажәабжь, инеиҵыху
ажәабжьк алысхит. Сара стәала, исаҳаз ахҭыс саашьа схысгәы аҿы иааганы,сыԥсы ахаара нақәҵаны изҩит. Аҳы,
уашьҭа акьыԥхь ашҟа иназгартә снапы иҵысхит. Ари сара
раԥхьатәи спрозатә ҩымҭа хатәра акәын.
«Сан дгызмалуп» ҳәа аӡәгьы имҳәаӡац. Дасу иашәа
ӷарыӷаҭәа ҿырпын бжьушәа иаҳауеит. Саргьы, аиаша
уасҳәап, абри ажәабжь хәыҷы сгәы азҭан. Исгәаԥхон, избанзар, ахҭыс иҟалаз, сара слымҳала исаҳаз, сыла иабаз
акакәын. Снацәақәа ирылцәыцәааны, хҭҳәаала еибаркыз, еибыҭаз акакәмызт. Уи аганахь ала сыламыс цқьан.
Ажәакала, абри ажәабжь акьыԥхьга машьынка инаҿаҵаны,
мацқьа-шьацқьа искьыԥхьит. Снатәан, сара стәала, ҩаԥхьа
снапы ахызгеит. Иааздыруаз акы агмыжькәа, акьыԥхь
иазсырхиеит. Аеҵәа нкыдԥааны зыкәа иҭазыршәыз
лакә фырхаҵак иеиԥш, сгәырӷьара хыҵуан. Убысҟан
сгәалаҟареи сцәанырреи злаҟаз атәы, ашә-ҿык, ашә-бзык
ирзеиҭаҳәомызт…
Ашьжьымҭан, абжьааԥны еиԥш акәымкәа, заа ашара
снаҵагылан, сгылеит. Хыма-ԥсыма сҽеилаҳәаны, сажәабжь
хәыҷгьы аашьҭысхын, амҩа снықәлеит. Фелдышь ԥҵәаха,
барфын цаха сҽыхәда дықәкны снеиуазшәа акәын, схысгәы шҭыԥраауаз.
Убри аҽны аредактор дыҟаӡамызт. Сажәабжь наган истол инықәсҵан, сгәалаҟарагьы неиқәыхьшәашәан,
сындәылҵны сцеит. Убрии убрии рыбжьара еихшәаеиӡшәа, мзы наҟьак нҭакәкәа иаанҵәеит, аха аӡәгьы
ҿырҭ­уамызт. Сажәабжь аҵыхәала имашәырынгьы аӡәгьы
иҿы неихыԥхьомызт. Исурҳәагәышьооз, «иуиааиуа иаан240

да уалеишышуеит!» «Амшә иакыз, дад иҳәароуп!» Абас
ишон, ихәлон, амшқәа мҩасуан игәыӷырҭадаха. Ес-аашар,
анаџьалбеит, средактор ма иахьа акры иҳәарымашь ҳәа,
уажәы-уажәы сгәы нҭыԥсаауа аредакциахь амҩа снықәлон.
Аха уаҳа умԥсит, хаҳә ҿымҭра иҿымҭран. Ацәгьагьы иԥсы
иахирзаауамызт, абзиагьы.
Ҽнак, шьыбжьаара аԥны, аиҳабы дшәыԥхьоит анырҳәа,
есымша аиԥш, зегьы-зегьы ашә ҳкылеибархан, иуада
еихҳәа-еиҵҳәа ҳныҩналеит. Аредакциа аусуцәа зегьы
еиқәыԥшьыхаа итәан. Ҳамҭак жәа мҳәаӡакәа деихаԥсыеиҵаԥсы дҳәар-ԥсаруа иқьаадқәа дрылан.
«Оп, ари исахьахәыра злаҟоу ала, иахьа зынӡа
игәалаҟам. Акы даргәамҵуеит, аха изакәыху Анцәа идырп!»
– абас сгәы ианааҭысҳәауаз, аамҭазы, сажәабжь ахацәа
ианкны иаацәырган, иаԥхьа инықәиҵан, ишиҭахымыз,
игәамырԥхаӡакәа, аҟыр-ҟырҳәа дааччан:
– Ауаҩытәыҩса иимбара-имаҳара егьыҟамзаап. Сара
сахьыжәбахьоу сааихьеит, аха абри аҩыза аҩымҭа ҿаасҭа
сымбаӡац! – иҳәан, сқьаадқәа рхацәа ианкны иаашьҭихеит.
– Сара аханатә аахысгьы ари ауаҩ сгәы изҭаӡамызт, аха
абасҵәҟьа дҟыбаҩдоуп ҳәа сгәы иаанагомызт. Абар, шәыла
абзиахә абааит, Умар иаҳзааигаз «Ахәы ԥшӡа» захьӡу
ашедевр ахьыску! – иҳәан, сажәабжь дҩахан, итәаз зегьы рыблақәа инархикылеит. – Иажәақәа ҭлапҟаӡа, уԥаны
узырхымԥо. Ажәакала, ари аҩымҭа иагу-иабзоу егьи ҳәа,
акы зхыуҳәаауа егьыҟам. Сара стәала ҟаҵашьа змоу, риашашьа змоу ҳәа егьызбом. Иара иитәым-имаам акы далагеит. Уи аҵкыс, убырҭ иажәеинраалақәа цәгьам-бзиам дырҿы­
зар еиҳа изеиӷьуп! – иҳәан, уаҳагьы даасыхәамԥшӡакәа,
сажәабжь ыршәны астол инықәиршәит.
Сара сахьтәаз, знык ԥсыра сыԥсит. Сара аԥсра сақә­
гәыӷуан, акәымзар, абри ауаҩ сшьа идымкәа, сҭәа идымкәа,
абас ҿҭамӡарала жәаҭынхала дсацәажәап ҳәа сыҟамызт.
Ибзиоуп, сажәабжь игәамԥхазааит, жәабжьра ҳәа егьалам241

зааит, апроза цәышҵәҟьа ашә-гәашә иузҭамгалозааит. Сара
аргама ду сгәы сажьозааит, аха абри аҩыза аԥсуа хаҵа,
ашәҟәыҩҩы еиқәтәа-еиқәгыла, ауаҩ ҟәыш ҳәа ирыԥхьаӡо,
абас ацәажәара ихы ишԥаҭәеишьеи! Сгәы инҭысҳәеит.
Сажәа излоу-излыху узымдыруа иахьхәылаирԥсыз акәӡам
сгәы сзырхьыз, абас ацәажәара иара иҟынтәи сахьа­
зыԥшымыз ауп.
Убри аахыс, заҟа ҵхы еиқәаҵәа, заҟа ҵхы-ҵәца
ҵаарыҷҷа, заҟа ҵхы-лашә шәшьҟәандара еихала-еихыҵ­
хьоузеи, аха абри ахҭыс иахьагьы сгәалашәара ӡыӡымк
ԥхьаҳәо, сыблақәа иаарыхгылоит. Иҟоуп ӡра-ԥсра
зқәым, уԥсынҵры иақәлахо ахҭыс еиқәаҵәа. Иҟоуп уара
иузааигәоу, иуызгәакьоу, ԥсраҽнынӡа ацәашьы иаҵәа еиԥш
иуцу, хашҭра зқәым ахҭыс шкәакәа. Абарҭ аҩ-лахьынҵак
ушрыбжьагьыжьуа, убырҭ ргәалашәара аӡыблареи,
анасыԥи угәыӷрақәа шрықәшаҟьо, угәуҽанӡамкәа, уԥхыӡ
иаламшәац даҽа дунеи ҿыцк узаатуеит. Убри адунеи ҿыц
аҿоуп, ахаан азтәи уԥса­ҭа ахьуџьанаҭхәырахо, мамзаргьы
иахьуџьаҳанымхәырахо!
Стәоуп схала аԥсымра аҭашәамҭаз. Сышлара салԥшны,
ииасхьоу, ицахьоу зегьы ҿыцҳҳараӡа исызцәырызгаз
сгәалашәара ашҭа сҭаԥшуеит…
«Сахьубахьоу сааихьеит, аха макьана, абри аҩыза
аҩымҭа ҿаасҭаҵәҟьа егьысымбац, сагьамыԥхьац!» – агәаӷ
фҩы алышәшәо ауаҩытәыҩса ибжьы, мшаҽнеиԥш сгәы
иқәыҩуеит!..
Анаџьалбеит, ажәа ҭҟьара шԥахыҭҟьарахо!Аԥси-абзеи рыбжьара адамра анрыбжьалалак, хәыҷыхәыҷла агәырҩагьы хьшәашәагәышьоит. Ашьа зыбжьаҵә­
ҟьоугьы, аиӷацәа рыбжьара ԥшак ныбжьасыр, агәаӷ на­
сыԥда сындахоит. Аханатә аахысгьы ус Анцәа ҳазшаз
иақәиҵахьеит.
Аха агәырҩеи агәаӷи егьа ихьшәашәаргьы, зегь акоуп
ауаҩы игәаҵаҿы ахаан ианымӡааӡа ашәахсҭа анхалоит.
Зегьы ириааиуа, зегьы лбааздо, зегь лашьҭа-ҳәашьҭазтәуа
аамҭа гәаҵәажәпаҵәҟьагьы иазыӡҩом. Убри аамҭа
иазмырхәашаз, ахаз аамҭа иахаанхаз сҿара ахҭыс ауп
абыржәыгьы сыззааиуа.
Сыԥсаҭа сзыҟьашьуам! Иахьа уажәраанӡа сгәалашәа­
рақәа ирыламӡыз, сгәы исызҭамшьыз, сышлара иақәлахаз
ахҭыс атәы, ахыԥхьрак иааинырсланы акәзаргьы ҩымҭак
аҿы салацәажәахьеит. Аха зутәы-зҳәатәы нымҵәо абри
иҟалаз, усҟан исызгәаамыгӡаз агха-ԥхақәа нацҵаны ир­
ҿыц­ны, аԥхьаҩ угәы аҟынӡа иназгар сҭахуп.
***
Ауаҩытәыҩса уҳәеит ҳәа, сзықәшәарызеи имҳәароуп.
Егьа угәалаҟа- ухалаҟа амш шара уацгылозаргьы, егьа
угәашьамх уҵԥраауа хәылԥ шәаԥшь уаԥылозаргьы, зегь акоуп, есымша ацәгьеи абзиеи урзыԥшызароуп. Аха абри ахҭыс
аныҟалаз аҽны, сара сгәалаҟара гәалаҟарак еиԥшымзт.
Абри адунеи зегьы снапсыргәыҵа ианысыгӡалон. Адгьыл
иаақәыршаз насыԥ ссир змаз сара среиӷьны схы сыԥхьаӡон.
Ажәакала, аԥсра сақәгәыӷуан акәымзар, иахьатәи амш сара
истәыҵәҟьоуп ҳәа акәын агәра ганы сшыҟаз. Абас, сгәы
иҭамкәа, схы иҭамкәа, аҽнышьыбжьон, иалырҟьаны аԥшӡа
сԥылоит ҳәа, ари-ацуҭеи ықәеибагозаргьы ихасҵомызт.
Ажәа мыцхә шәыхсырҵәар сҭахым.
Аҽны, ишысҳәахьоу еиԥш, сгәы каршә, сыԥсы каршә
Аҟәаҟа амҩа снықәлеит. Иахьа аинститут аҿы икыдырҵон,
аԥышәарақәа зҭиз рҟынтәи аинститут иҭалази изҭамлази
астудентцәа рсиа.
Ҩажәак еихысҳәаалоит, ҳара Тур ихәы иқәынхоз лымкаала Анцәа дхаҳҵон, иахьагьы дхаҳҵоит. Сабду Ҭемраз амызк
ахи-аҵыхәеи рыла, ҩынтә-хынтә Анцәа ихьӡала ацәашьы
ибылуан. Анцәа ду иакәын гәыӷырҭахлаҳәас имазгьы. Иа243

хьа амҩа сшықәлоз сабду ҽеила идыруан аҟнытә, ушьҭа
сындәылҵра аамҭацқәак шагыз, ддәылҵны, ҳашҭа иқәгы­лаз
ҳажәлантә рныҳәарҭа ахьаца амҵаҿы дгылан.
Иахьеиԥш исгәалашәоит, сабду иқьышәқәа ҵыс-ҵысуан.
Аӡшәах еиԥш, аҽыхәа иҿабылгьазшәа, ихыҽҽаны игәы
иқәҭәоз иԥаҵа шлақәа, инацәкьарақәа налишьит. Нас,
мацқьа-шьацқьа, иҩыҵра иҵакыз, сышәара ашьхынгылара змаз, еикәарҽны иикыз исагәреи цәацәашь ааиртлан,
инаиркит. Убри аамҭазы сангьы саргьы ҳаиқәыԥсаса сабду иаԥхьа ҳаагылеит. Сабду ҩаԥхьа иԥаҵа еиқәышлаҳәа
инацәкьарақәа налишьын, ицәашьы хха-ххо ираҳаны иааикит.
– Уа, Анцәа ду уаҳзылыԥха, Анцәа ҳрыцҳашьа. Гәырҩеи
гәаҟреи Анцәа иаҳцәыхаратә, Анцәа ҳаицоумкын, уара,
жәлар ирхылаԥшхәу, аԥшырҭа иқәтәоу зегьы збарҭоу, зегь
заҳарҭоу!
Иахьа амҩа иқәло смаҭа имҩа аџьарсахьа ахга, ирлаша,
имҩа ырманшәал. Ҳазшаз ухьы-шәахәа ихьырша, Анцәа
думырҟьаш-ҟьашан. Ихы-игәы дахьумырхәын, игәыхәтәы
дахьыгӡа. Лаԥшыцәгьа-ҿаԥшыцәгьа ихароумтәын, сара
сшамкәа сызшаз, абас гәнаҳа сыхәда иқәымкәа сзыршкәа­
кәаз! – иҳәан, иарӷьа напы иакыз, ацәаӡыӡ агәыҵыршо илашоз, ацәацәашь хынтә схы инакәыхшан, ахьаца ашьапы
инадирҷаблеит.
– Аҳы, дад, ушьҭа ухы уақәиҭуп, умҩа маншәалахааит!
– иҳәан, ишызбоз ибжьы аацәеи-цәԥсын, агәашәахь иҿы­
неихеит.
Сарҭмаҟ сыхәда иахшьны, ҳахьатә гәашә алыкә анаал­
сыршәоз аамҭазы: – Уҽаанкыл ашәымҭак, дад, дукәых­
шеит! – иҳәан, агәашә аартыха самраӡакәа, иара инапала агәашә ҟьаҟьаӡа иаартны инкыдиҵеит. Нас: – Абас
улахьынҵа амҩа хьаҳәа-ԥаҳәа амамкәа, ушә-гәашә каххаа
есымша иаартызааит! – иҳәан, ажәҩан днаҵаԥшын, илахьииџьымшьи ааиџьарит. Аҵыхәтәан, убри иҟьаҟьаӡа иааир­тыз,
иҿыцҟаҵараз ахьатә гәашә, агәаԥшь афҩы лаҳа-лаҳауа иаартыз, днеи-ааиуа хынтә днылс-аалсит.
– Сымышьҭа бзиоуп, ухазы-уԥсазы ибзиахааит, имшхааит! Амҩа маншәала уқәлааит! – иҳәан, инапқәа ҵысуа схы
аагәыдикылеит.
Агәашә санҭыҵ, сгәы ааԥшқахан, сышьҭахьҟа саахьаԥ­
шит. Сан лнапқәа лгәыҵаԥсаны, ҳаӷеиҭа аибашьрахь
сдәықәылҵозшәа, дгылан. Сан сабду иҟны дцәажәаӡомызт.
Џьара гәыжьжьага ажәақәак насхьылыгӡарц шылҭахыз
здыруан, аха сабду «илеираӡомызт». Даҽазныкгьы
саахьаԥшын, сабдуи сани снарзыԥшит. Макьанагьы рҭыԥ
иаахымҵысӡакәа, игыланы исзыԥшуан. Аҵыхәтәан, снапы
аасҟьан, Ермана иқьаԥҭа снықәсны, архәара снавалеит.
Ушьҭа уаҳа сани сабдуи збарҭаӡамызт.
Адаужра ҳәа изышьҭаз ахәы ԥшӡа снаҵагылаанӡа, сани
сабдуи рыгәхьаагара шсыцыз мацара сааит. Иаалырҟьаны:
«Сымышьҭеи сдоуҳаи уара узыҳәан имышхааит, иҵы­
ххааит!» – ҳәа сабду иныҳәаԥхьыӡ гәыкы-ҵәыкуа аҽаа­
сыкә­наршеит. Убысҟан аҳаҷаҳәа иаасгәалашәеит, амшьҭа
аҵыхәала сабду исеиҳәахьаз. Абри ахҭыс ҟалеит ҵыԥх
аӡынразы, ианар ашәарҵаара ианасакьаҳәымҭаз аамҭазы.
Шьахәапараҵәҟьа асы бахҵәаӡа, еиқәыжәахәа ишьҭан.
Сабду аҩ-цаҟьашк рыбжьара аҭамҳа еиҿеимыжьуазаргьы,
ашәарыцаразы аӡәы ишьҭахь сгылоит ҳәа игәы иҭамызт.
Уимоу: «Ҭемраз иӷыжәарҭа ашьха ҳаныҩхала, убра
ҳаԥхьара наагеит!» – рҳәон, ашьха ишьхнылоз ахьшьцәеи
ашәарыцацәеи.
Сабду ашәарыцара иадҳәалаз ақьабзқәа акы еиԥшым­
кәа пату рықәиҵон, рдоуҳаи рынцәахәи хеиҵон, еилеигомызт. Абарҭ зегьы зхысҳәааз, ҽнак, шьжьымҭанк,
шәарыцара, лаҵгара дцарц иҽшеибиҭара иҽеибиҭеит.
Аҵхаара зҭаз, мыц зымҳәоз, аҳадақь иаԥхылыздоз иаԥсуа
шәақь, ашьахәа-ҩа баҩлаша ахьшьны иахькнаҳаз иаакни­хит.
Уаҳагьы ажәак мҳәаӡакәа, ихәшә зага ааҭиган, ихәшәҭра
зҭаз ихҭра инҭишьын, азна аҽԥыхәшә ааҭигеит. Саргьы
сыԥсы ӡаны сихәаԥшуеит. Ахәшәзага азна ахәшә ахҭра
иҭигаз, еиҭасҳәахьеит, дымцәажәаӡакәа, сымаҿа ааиртын,
снапсыргәыҵа инаниԥсалеит. Нас ҩаԥхьа снапсыргәыҵа
аҟынтәи иҽԥыхәшә хәшәзагала иааирҭәын, ашьанҵа зҿаз
иаԥсуа шәақь агәҵәы инҭеиԥсеит.
– Ус зыҟоуҵои, баба? – сҳәан, исзымчҳакәа сиазҵааит.
Аха аҭак сымҭакәа, дымцәажәаӡакәа, снапсыргәыҵа ианихыз аҽԥыхәшә ашьҭахь, иаԥсуа шәақь ахызаҵә ҭаҵаны
еиҵеиҵеит. Сабду ишәақь шеиҵеиҵара еиҵаҵаны даналга:
– Умышьҭа ухазыҳәан ибзиахааит, дад! Умышьҭа шыбзиоу гәасҭахьеит, убри азын ауп, унапсыргәыҵа сыҽԥыхәшә
анымԥсалакәа ашәақь изҭасымԥсаз! – иҳәеит сабду.
Убырҭқәа зегьы рнаҩыс, ишәақь асамԥал ашьшьыҳәа,
аҽԥыхәшә зҭыҵуаз, ашьанҵа зҿаз амима инахаиргылт.
Сабду ишьанҵа шәақь, аҭыҳәҭеи иҭамҵакәа, итәӷәыбжьара
иныбжьаргыланы, шәымҭақәак днақәцәажәан, ишәақь агәҭа
быжьҵәаа иаанкыланы, ашәхымс инылеиҵан:
«Лаӷра, Лаԥшь, Лаӷра, Лаԥшь!» – иҳәан, ибжьы
еиҵымхцәакәа, ила шәарыцақәа дрыԥхьеит. Лаӷрагьы
Лаԥшьгьы аамҭацк иналагӡаны, ашә иаалаххын, атрымсрым ҳәа, икахәхәа ашә илаиҵахьаз сабду ишьанҵа шәақь
инахыԥан, аҩны аҩныҵҟа иныҩнаԥалеит. Сабдугьы ҩаԥхьа
ишәақь днахыԥан, абарҵа аҟынтәи ҩаԥхьа Лаӷреи Лаԥшьи
дрыԥхьеит. Иаразнак сабду иажәа ҩбамтәкәа, аҩ-лакгьы
рӡарақәа цыӷшәа еиҩаҳаҳа, инеишьҭаԥса-неишьҭаԥсаны,
ашәхымс илаз сабду ишьанҵа шәақь еиҭанахыԥан
аттаҳәа абарҵа иныҵаԥалт. Аха сабду илақәа убрагьы
иаанымгылакәа, ҩаԥхьа аҩныҟа иҩнаирԥалеит. Абас
инеихык-еиҵыкны Ҭемраз илақәа, Лаӷрагьы Лаԥшьгьы
хынтә, иара зны-зынла ишиҳәалоз еиԥш, анахьгьы-арахьгьы ихәаа-заа иахирԥеит. «Аҳы, ушьҭа саага-сааца ажәеиԥш
иазшәырҳалааит!» – иҳәан, абҩа уадыхә ҩежьқәа зхаԥсаз
иаԥсуа шәақь аҭыҳәҭеи инҭеиҵеит. Уаҳагьы итәашьа
иԥсышьамтәыкәа, ишәақь ихәда инахишьын, илахьииџьым­шьи ӡатәны, дындәылҵит. Лаӷреи Лаԥшьи гәырӷьа­
ҵәа сабду ишьапқәа инарыҵаҳәит. Насшәа ауп, абарҭ зегьы, амышьҭазы сабду ишыҟаиҵоз анеилыскааз. Насшәоуп,
абарҭ ақьабзхәырақәа зегьы ашәарыцаҩ хиамҩа иқәлара,
цәаԥхьаӡарахара, аманшәалахара ишатәыз аныздырыз.
Сабду ес-шәарыцара дныҵыҵ-цыԥхьаӡа, иҩны ишьапы
ндәылигаанӡа, есымша ихәшәзага ала аҽԥыхәшә сарма
напсыргәыҵа ианыԥсаланы, аамҭацқәак днақәцәажәаны,
ашәақь агәҵәы инҭеиԥсон. Убри ашьҭахь, Лаӷреи Лаԥшьи
дрыԥхьаны, ишәақь ашәхымс инылаҵаны, хынтә наҟ-ааҟ
иахирԥон.
«Сымышьҭеи сдоуҳаи уара узыҳәан имышхааит, иҵы­
ххааит, Анцәа шьарда зымчу!» – ҳәа, сабду иныҳәаԥхьыӡ
сцәашьхәы аникыз, абыржәыгьы игәыӷырҭа-хлаҳәаха
аҽаа­сыхьнагӡеит. Сара ҳцәашьхәы зкыз сабду имышьҭеи
иҳақи нцәахәык иеиԥш ихасҵон, срықәгәыӷуан. Алымҩа­
нык ицәашьы иаҵәаны ишысхалашоз, амра аныҩхашылоз
аулица снангылеит.
«Ашьа ицаша ада иалагылом!» – ҳәа, аинститут азы
ушьҭа уаҳа схәыцӡомызт. Сгәы рҭынчны, сабду имышьҭа
сагәылыхәхәа сышгылаз, иманшәалахаша, машьына
хыԥшаалак ҭагәа-ҭасуа ианаасывала: «Аа, абааԥс ушыԥ­
сыша удыруазар, иаанкыл!» – сҳәан, аӡарҭрашә еиԥш
схахаӡа, снапҟьа-шьапҟьо амашьына снаԥыххылеит. Амашьына ныҟәцаҩ ихылԥа кьыбжаамӡа, Анцәа илыԥха иоуртә
даас­ҿаԥшын: «Аригьы сара сҩыза гәаҟк иоуп!» – игәахәзар
акәхап, амашьына саԥхьаҟа ажра инхықәырххыланы иааникылт. Амашьына, иара амашьына ныҟәцаҩ инаҩс, даҽаӡә­
гьы ҩ-сакьк рызна аӡынҵәа, икаҳар ҳәа дшәаны, наҟ-ааҟ
инапқәа рыкәыршаны, амашьына адаан иҽадырӷәӷәаланы
дтәан.
– Уабацо, Сажәыргьала? – иҳәан, имашьына шаани­кы­
лазҵәҟьа, ихаамкәа-ишшамкәа, ажәа бзамыҟәқәак нас­
хьигӡеит.
«Сажәыргьалаҵәҟьа уара ухаҭа уоуп, уара аицаҟьа!»
– ҳәа сҳәарц сҿы ҩеихсырԥхьеит, аха ных, ных, иахьатәи
амш амҩа санхалар аиҳа, сыбз сҿы иааҭаскыр еиҳа
еиӷьуп!» – сҳәан, сҽааиқәыскын: – Аҟәаҟа сцоит, абааԥс! –
сҽыргәыбзыӷ-ҽырҳалал-ҽырԥшӡашәа снеиҿаԥшит, срыц­
ҳаи­шьап сҳәан.
– Давай, кореш, валиай! – иҳәан, инапы ааиҟьеит. –
Тамшьынӡа узгару, Аҟәанӡа узгару? – инациҵеит ҩаԥхьа,
аҩсҭаацәа рабду исахьа нылкааны, дахьтәаз даацәыҵы­
ччан. – Аҟәанӡа усызгозар, уабду Еҭлыхә ԥсаҭа шкәакәагьы
ԥсхәы иҭахымызт, аха… – уаҳа ацымҵакәа, дынцәыҵыԥ­
шын, деиҭаасҿаԥшит.
Изакәызеи, уара, абри амришәа иҟоу иипатҟалеиуа, дысхыччома, сҳәан, сычҳара сналҵуама сҳәо, сгәы насыҵаххын,
снеикәанарԥха-неикәанарԥхеит. Афра амҵ иазыҵҟьоз
ауаҩы, уиаҟара сыласыгӡомызт, аха иабаҟоу, арахь амшә
иакыз дад, иҳәеит, ци-шәи срыбжьахеит. Ес-иҟасҵалакгьы
сҽаажәагәан:
– Аҟәанӡа сугозар бзиагәышьан, ҭабуп ҳәагьы уасҳәон,
сагьурманшәалон! – сҳәан, схы-сҿы мчыла ччаԥшь хаарадак нықәсыршеит.
– Митә ҟалама, шьахәа-шьаҿа ахьыбжьам Аҟәанӡа
уназгар. Усгьы уахьоуп сахьцо. Сымцозаргьы узгароуп, иудыруазеи, мышкызны уда ԥсуаҭла сымамкәа уаасықәшәар,
ауаҩытәыҩса зегьы дырзыԥшызароуп, егьа абзиара узуандаз! – иҳәан, избахьаз иакәӡамкәа, уажәраанӡа, аларҳәаса
акәаха иҿдыршазшәа, иӡыхь-ԥсыхьха исацәажәоз ауаҩы,
уажә дыԥсыхәшаха, дкаххаа даацәырҵит.
– Уааины абра усыватәа. Ари смашьына ҟәараҟәанҽагьы
ҵҳәарак акәым, аха ишьшьылаҳауа иахьазны Аҟәанӡа
ҳашԥазымнеири! – иҳәан, имашьына ацаԥха анааирҵәи,
«уар-уар» ҩахган, алҩа ҩхаббит. Нас, ашьи-ашьи еиқәҵо,
ихәылкьысуа, аԥси-аԥси еихьымӡо аҿынанахеит. Аха уи
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Ашацәа ртәарҭа - 15
  • Büleklär
  • Ашацәа ртәарҭа - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3232
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2131
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3273
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2117
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3329
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3315
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2183
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3290
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2232
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3276
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3313
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2219
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2209
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2143
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3283
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2201
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3300
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3307
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2214
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3134
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3249
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2178
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3223
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3199
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2051
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3275
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3202
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2199
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3231
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2138
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3271
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2219
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3268
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2180
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 2599
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1823