Latin

Ашацәа ртәарҭа - 12

Süzlärneñ gomumi sanı 3283
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2201
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ҳаиасып! – иҳәан, ани иҭуан ҵҟьага, астол ахаҟны, аҭӡывара
иахькыдгылаз, ианыз анбанқәа, иззакәу здырхуада, иаанихын, еиҳа рыԥсы рылаҵаны, еихых-еиҵыхны, «А», «Л»
аниҵеит. Нас, Платон иҵаҩцәагьы иаргьы еицхырааны,
абарҭ аҩ-нбанк ртетрадқәа рахь ирнырҵеит.
– Абарҭ анбанқәа, аҩны шәаннеилак, рҩышьагьы рыхьӡ­
қәагьы ҵаны, анбанқәагьы даҽазнык ихыжәҩылаауеит, Еилкааума абри исҳәаз, Таш-хошраа! – иҳәан, дразҵааит.
– Ааи, еилаҳкааит! – рҳәеит, еилызкаазгьы, акымзарак
ззеилымкаазгьы…
…Адәахьы иандәылҵ, ахәылԥыеҵәа ажәҩан хымаа инкыдтәалахьан.Адырҩаҽны, Базала дшыԥсыз Тур ихәаа ирылаҩхьан.
Абас иаалырҟьаны, идунеи иԥсахуеит ҳәа аӡәгьы игәы
иаанагомызт. Аха Базала ԥсаҭа бзиа, игага дзахыԥараҳа,
илахьынҵагьы дзахымԥагәышьеит. Ажәҩан аеҵәа рыз­
кыдым­ԥааит игәылацәа-излацәа, абжьарак, хәшәы-бӷьшәы
иныдкыланы, аҟазацәа идрымгалаз, ихәра иақәрымҵазиақәрымхыз егьҟамлеит. Уахгьы-ҽынгьы рыҽҭыхҵәҟьаны,
идтәаланы дырҟазон, аха иҟалаша хырԥашьа амоуит. Иацуха ашамҭазы, зынӡа иааигхан, аҷаԥшьацәа шидтәалаз, ашареи иԥси неихьигӡеит рҳәеит.
– Аламыси, ацқьареи, аразреи мычра рымазар, уԥсаҭа
ахьы ахьыршо тәарҭас-гыларҭас Анцәа иуиҭааит. Уҟанаҵ,
уҟан. Ууаажәлар ргәы ушабылуаз, унарцә мҩа уқәлеит,
Базала! Умшра-уҵыхра ууаажәлар ирзынхааит! – иҳәеит,
Кьынтышә игәи-илаӷырӡи еилаҵәо дахьгылаз.
Ашацәа ртәарҭа иқәынхоз ауааԥсыра зегьы неигымкәа,
рхы-ргәы далырхит. Уи ауыха Базала дала-шьала изааи­
гәаз, иҭынхацәеи, иқәлацәеи иԥсыжра аҿҳәара ԥырҵәон.
Аҿҳәара аԥҵәацәа шеизара ианеиза, жәлантәык иреиҳа­
быз, ацәгьеи абзиеи реиҿыхырҭақәа ҽеила издыруаз, акыр
збахьаз, акыр заҳахьаз, ажәлар пату ду зқәырҵоз Гьагьа197

са Канба, илабашьа амҳасҭа имацәхарҟәара ныбжьарсны
дҩагылеит:
– Арыцҳара еиднагалаз, сашьцәа, ҳаԥсҵәуацәа, шәыххь
згеит! Ауаҩытәыҩса иира зшаз, иԥсрагьы ишеит. Гарала
ицәырҵуа асаби, дад, мышкызны, кәыбала дымҩасуеит.
Усоуп Анцәа ду ауаатәыҩса шишаз. Аха аԥсышьақәа зегьы еицыжәлам. Дыҟоуп, хьмыӡӷ иқәымкәа, ахҭа аҟынӡа
здунеи уаара ажәразгаз. Дыҟоуп ажәлахыхга, зыхьмыӡӷ
зҭынханы, ахраҭгьы иҭадмыргыло, адгьылгьы иаднамкыло, «ԥсаҭа цәҳага» ҳәа ишьаҳиҭханы дгьыли-жәҩани
ирыбжьахо. «Аԥсра бзиа хәамаӡам» рҳәон ҳабацәа. Базала, дад, даагылазаргьы, ишьап шьац арҽырҳәа дшәон.
Ихәы даҭәҳәаны акәын ихы шахиԥхьалоз. Ажәлар
игәра ргон. Рымаӡа иҵаркуамызт. Ҳаҭыр иқәырҵон.
Ажәлар ргәыбылреи рылаӷырӡи зыцҵаны зынарцәгәашә иҭаргалаз, изқәаҭыԥгьы шьалҭа гәабанхоит. Базала иҵыхәтәы мшы ишихәҭоу имҩаԥгаразы аӡәгьы
ихы иеиӷьишьом, Базала ажәлар дырдыруан. Изыхәҭоу
иқәлацәа иҭынхацәа ашәаџьҳәацәа рылаҵатәуп, рылабжыш игымхароуп. Абри ԥсыншьҭахьгьы, «данбаԥси, Базала бзиа» ҳәа иҵааԥшаауа, ажәлар рыҽԥныҳәа аԥсы
ицаҳҵар, гәнаҳароуп. Убри аҟынтә, еиҭасҳәар сҭахуп,
ашәаџьҳәацәа ишахәҭоу, ианаамҭоу рымҩа иқәҵатәуп.
Сара ажәа мыцхә салалом. Аԥсреи абзареи рырҽеишьа
уажәы иҳамбеит, ҳаагылазаргьы ҳазлагылоу акәгәышьоуп.
Уԥсаҭа шкәакәахааит, Базала! – иҳәан, Гьагьаса иҭыԥ аҿы
днатәеит.
Аҽны хашан. Аԥсыжра аҿҳәара асабша иақәдыршәеит.
***
Амра жәхьан еиԥш ианыҩхашылоз, аԥсы дылбааргеит.
Заа аԥсаӡ зҿыкәыршаны иҟарҵахьаз ашьаԥа, акәыба наганы иныҵадыргылеит. Аџьабара зыхәҭаз ауа-аҭынха, Базала иԥсҵәуацәа, аккаҳәа амыткәма ҳәо, аҳәса рҽеиҩшаны,
аԥсы икәшаны иаагылеит. Ажәлантәи аиашьареи реиҳабы,
ахацәа аџьабацәа рхаҿы иахьихәҭаз днадыртәеит.
Аиҳабы, агәакьа ишьҭахь, хәҭа-хәҭала, цәара-жьрала, дасу
иахьрықәнагоз рҭыԥқәа ааныркылеит. Базала иҽеиқәа иуапа ақәыршәны, аџьабацәа рхаҿы, Базала имаҭа аҽы аҿы
ианкны дгылан. Ааигәа-хара, Базала згәы далсыз, аҵәуацәа
ашҭа аҭалара иаҿын.
Рлабашьақәа нарыҵарсуа, амӡырха иқәгылан, аԥсраҿы
иалырхыз ҩыџьа ахацәа, аилыргацәа. Аҵәуацәа аԥсы ихагыланы, рхы иасны иҵәуон. Аӡәык-ҩыџьак анеицықәлалак,
аҷкәынцәа нарыдыххыланы, рыбӷа ркуан. Иҵәуаны
ианаахынҳәуаз, ҩаԥхьа аҷкәынцәа аҵәуацәа рыбӷақәа ааныркылон. Иҵәуаны иқәҵауаз, астол иқәыз рыхҭырԥақәа,
ма рхылԥарчқәа аақәыхны, ҳаҭырла, амҩаԥгацәа инаддыркуан. Иҵәуаны иқәҵуаз, аилыргаҩ раԥхьа днагыланы, аџьабара иалагылаз, агәаҟра иақәшәаз аҭынхацәа
рҟынӡа инаскьеигон Аҵәуацәагьы, рыхҭырԥақәа шырхаз,
ирхымхӡакәа, ргәы рнапы надкыланы ирыдышшылон.
Сара убри амш, аҽынтәи аԥсра шымҩаԥысуаз ҽеила
исгәалашәоит. Иахьагьы сгәалашәараҿы иаанхеит, усҟантәи
ахацәа рҵәуашьа. Иахьатәи аԥсрақәа рҿы саннеиуа,
ахацәа рҵәуашьеи, рыдышшылашьеи анызбалак, есымша
сыбла иаахгылоит, абанҭ, Базала иԥсраҿы зыхҭырԥақәеи
зхылԥарчқәеи зхымхӡакәа, агәаҟра иақәшәаз ирыдышшылоз аҵәуацәа. Исгәалашәоит, наҟ-ааҟ еимданы «ауоу» зҳәоз
аҳәсақәа. Исгәалашәоит, азар ҳәацәа ашҭа ишакәшоз.
Ҩажәак еихысҳәаалоит. Иахьа аԥсраҿы инеиуа
аҵәуацәа реиҳараҩык, ахҭырԥа акәым, рхылԥақәаҵәҟьа
зынӡа ирхаӡам. Дара ахылԥа зхоугьы, аџьабара иалагылоу ианаарывалалак, иааҭымгылаӡакәа, рхылԥақәа аархыхны, инарыдышшылазшәа ҟаҵаны, рыхқәа аарҵысны
инарԥырҵуеит…
Абри зхы сырхәахәыз ақьабз аҵыхәала, аԥхьаҟазы
мҩабжара иаансыжьуеит. Аҵәуацәа шеикәшоз, ушьҭа амрагьы нхықәгылеит. Агәакьацәа Базала иҵыхәтәы мшы наскьазгоз, неибарԥшны аҵәыуара иалагеит. Аҵыхәтәантәи
алаӷырӡ анкарԥса, ашьҭахь, аԥсы ашҭа днықәыргыланы,
аҳалал иҭара иалагеит. Ажәлар еикәшаны иаагылеит.
Арыцҳара аҵыхәала еизаз ажәлар шәхаҵкы сцеит! –
иҳәан, ақыҭа рҿы унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, заҳаҭыри,
зыламыси ҳаракыз Ҳарун Ацанба, ишыц лабашьа амҳасҭа
аанкыланы, аԥсы дааихагылеит. – Ирҳәоит, ажәлантә реи­
ҳабы идунеи аниԥсахуа, абиԥара рыхьатә кәасқьа аԥшьҭӡамцк ҵысуеит» ҳәа, иажәахә ааԥиртлеит, Ҳарун. – Базала, дад, уԥсы акәыхшоуп! «Аԥсра бзиа хәамаӡам!» – рҳәон,
ҳабдуцәа. Дад «аира зшаз, аԥсрагьы ишеит!» Зыламыси,
зыуаҩреи, зыцқьареи, зыразреи, згәыбылреи зыуаажәлар
ирзынзыжьыз ауаҩы, уи ихьӡи-ижәлеи ԥсра-ӡра ақәлаӡом.
Ахааназы цәашьы иаҵәаны абиԥарақәа еимырдалоит.
Базала, дад, удунеи уанықәыз еиԥш схы науқәкны,
сгәы-сыԥсы нкаршәны суацәажәар сҭахуп. Уара уҟанаҵ
уҟаҵәҟьан. Хьмыӡӷ уқәмызт. Ууаажәлар ҳаҭыр уқәырҵон,
угәра ргон, рымаӡа уҵаркуамызт. Ҳазшаз, ауаҩытәыҩса
адунеи дықәиҵеит аамҭала, дԥишәарц. Ауаҩытәыҩса
шәышықәса ихыҵны, даахьаԥшны дызнысыз иԥсҭазаара
амҩа дананыԥшылалак, шәышықәса идунеи дыззықәыз
закәыз изымдырӡакәа, зыхраҭ агәашә инылагылаз иоуп
ишыԥсра иԥсыҵәҟьаз. Уи ишьҭахьгьы иаԥхьагьы аӡы
ықәыршоуп. Аҵыхәтәантәи «ауоу» ҳәаны дықәҵит.
Базала, уара уԥсҭазаара амҩа узнысыз, ахы инаркны,
уҵыхәтәы мшы аҟынӡа ицқьоуп, илашоуп. Анцәа иуанеимыжьша наҩагьарак, гәнаҳарак анукаауам. Уҷкәын заҵәы,
шәнеибац анырҳәа, иабацәеи иабдуцәеи ишраҭәаз еиԥш,
аибашьра ду аныҟала, иҽхьамкыкәа, иқәлацәа зегьы ахьцоз, иаргьы дцеит. Аха игага дзахымԥагәышьеит. Уаҳагьы
иаб иҩныҟа ичамҩахә зыҟамлеит, иԥсадгьыл ихы ақәиҵеит.
Аха уара ухы аҵамырхакәа, ууаажәлар рыцәгьеи рыбзиеи
уалахәын. Ахаан ирхамышҭуа угәыбылра шкәакәа ужәлар
ирзынужьит. Уабдуцәеи уареи шәдоуҳаи, шәҳақи, рымшреи,
рыҵхреи, Анцәа ду умаҭа заҵәы икәа-имаӷра иҭеиҳәааит.
Умаҭа хәыҷы ила уабдуцәа рымцахара мыцәааит. Ушьҭахьҟа
ухьамԥшааит. Уабацәа радгьыл гәакьаҿ узқәаҭыԥ ылхуп,
иузышьалҭахааит. «Ҽеи ԥсышьа зоуз, ҽеи тәарҭагьы иоуеит!» Џьанаҭ тәарҭас гыларҭас иуоуааит! – иҳәан, Базала
игәы днагәӡын, ашьшьыҳәа даахынҳәит Ҳарун.
***
Базала иԥсраҿы мҩабжара инсыжьыз, шәзықәсыргәыӷыз,
ажәлар рҵәуашьа ақьабз аҵыхәала, ацәажәарахь
схынҳәырц сҭахуп. Сара абыржәы аԥхьаҩ улымҳа аҟынӡа
иназгарц исҭаху ахҭыс, Базала иԥсра ашьҭахь, акырӡа
снаԥыҩланы иахьатәи амш аҟынтәи ауп ишысҳәо…
«Аиаша, дад, быжь-цаҟьашк иргәылачаԥаны, быжьцаԥхак аҿоуҵаргьы, зегь акоуп, мышк-ахамышк ахы
цәырнамгар ҟалаӡом!» – абри сабду иҳәамҭа, мшаҽнеиԥш
иҿыцҳҳараӡа иаасгәаланаршәоит убри аҽынтәи амш.
…Асоуп иҟалаз, Бабахь иԥшәма ԥҳәыс лыдунеи
лыԥсахит анырҳәа, Бабахьрааи ҳареи ҳаиуацәан, убри
иаҷыданы, иҷкәын ҳҩыза гәакьа иакәын аҟынтә, аҩызцәа
ҳҽааибаркны, аԥсрахьы ҳцеит.
Аҽны ԥсыжран. Еицыз аҷкәынцәа сара среиҳабшәа
сыҟан. Убри адагьы еиҳа агәыцхәра сҽазыскуан аҟынтә,
раԥхьа снагылан, аҵәыуара иқәларц амӡырхаҿы астол иадгылаз аҵәыуацәа ргәаран ҳаргьы ҳнықәгылеит. Шәымҭақәак
рышьҭахь ҳхылԥақәа астол инықәаҳҵан, ҳнеибарԥшны
ҳаҩхалан, ҳҵәуаны ҳналбааит. Аџьар реилыргаразы иалхыз, алабҷашь кны игылаз арԥыск, аттаҳәа ҳхылԥақәа
наҳиркын, аџьабацәа еикәшаны иахьгылаз аҟынӡа
ҳнаскьаганы даахынҳәит. Ҳаргьы ҳхылԥақәа ааҳхыхны, зегьы ҳнарыдашшылан, аҵыхәтәан, аџьабацәа рхаҿы итәаз
Бабахь ҳнаидгылан. «Узықәшәаз арыцҳара, акы еиԥшымкәа
ҳгәы иалсит!» – сҳәан, схылԥа аасхысхын, сарӷьа напы
сгәы инадкыланы снаиеихырхәеит, лымкаалашәа, ҳаиуара
аҳаҭыр аанкыланы. Егьырҭ сҩызцәагьы рхылԥақәа аархыр201

хит, аха инаидгылаха рымҭакәа, аӡәгьы ҳгәы ҳҽанӡамкәа,
иаалырҟьаны:
– Умар, шәара шәаԥсацәаӡами, уара? – иҳәан,
ҿааиҭит Бабахь ажәа ҭҟьара ахы ҭҟьараҳәа, ҳаигәыцхәра
днақәгәыӷшәа.
Исҳәо сҿамшәо, исаҳаз агәра сзымго, сныҵыкка сцеит!
Сҩызцәагьы иныҵакны инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшит. Аха ҳгәы
анҭахәыцхагьы ҳамраӡакәа:
– Умар, уара уабацәа рыхҭырԥақәа рхыхны, агәаҟра
иақәшәаз идышшыло абоубахьоу? Иҭабуп, аџьабаа жәбеит,
аринахыс абзиарақәа рзы шәымҩахыҵлааит. Аха аԥсуара
иаҭәамыз, аԥсуа қьабз иатәымыз-иамаамыз, шәаргьы
ишәаҭәасымшьеит! – иҳәеит, Бабахь иааиԥшынҵаны.
Иаҳурҳәооз, ҿымҭӡакәа, Бабахь ииҳәаз ҳхы нанрааланы,
ашьшьыҳәа ҳнаидҵны ҳҿынаҳхеит.
– Иабыхәа ииҳәаз ԥсаҭа џьыкацзаргьы, уажә абра
аҳәара абаҭахыз! – иҳәеит иныҵакны, Бабахь иажәақәа
згәы инаҵаххыз ҳҩызак.
Бабахь ҳаниԥырҵгьы, абри ацәажәара иҟаз аҵыхәала,
аӡәы ажәак уаҳа иԥсы иахимырзааит.
«Хәыҷык измырманшәалазаргьы, иара ишидыруаз,
ишибахьаз, ишиаҳахьаз иҳәеит. Зегьы рышьтәа ашьышьа
еиԥшӡам. Рҟазшьақәа шеиԥшым еиԥш, рцәажәашьагьы
еиԥшӡам! Гәыбӷанс иуҭозеи!» – ҳәа згәы инҭызҳәаақәазгьы
ҟамлакәа иҟам.Аха ус уҳәа, егьыс уҳәа, егьа идырԥшӡазаргьы,
Бабахь ииҳәаз рхаҿы ирзаамгеит…
…Аԥсраҿы ҳаҟан ҳааижьҭеи хымш ҵит. Аха абри
ауаҩ иҳаиҳәаз ажәа-ҭынха самыртәеит, самыргылеит.
Аҵыхәтәан, ес-иҟасҵалакгьы, Бабахь ииҳәаз аҵареиамцреи уеизгьы-уеизгьы еилысымкаакәа сшыхнымҳәуа
ҳәа гәаныла ҭоуба зуит.
Сара ажәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа срышьҭеижьҭеи акыр
ҵуан. Убри азы ирацәаны ақыҭақәа рҿы снеиқәахьан,
сааиқәахьан. Акыр зықәра инахахьаз, жәлар рқьабзқәеи,
рлакәқәеи, ражәабжьқәеи, рыцуфарақәеи, еиуеиԥшым
ражәабжьқәеи здыруаз, ирызҟазаз ашлақәа ахьынхоз
здыруан, срацәажәахьан. Абыржәыҵәҟьа, мышьҭабзиала,
амшразы даасгәалашәеит, еиуара-еиҭынхаралагьы акыр
иаҳзааигәаз, зхацламҳәагьы ӷәӷәаз, зыуаажәлар рҿы аҳаҭыр
ду зқәыз, Ӷәада ақыҭан инхоз Мез Матуа. Аӡәыр аиаша
идыруазар, абри, жәытәлагьы, ҿатәлагьы, хацламҳәалагьы,
уаҩралагьы, ламыслагьы, дырралагьы еибыҭоу ашла
имдыркәа ҟалом. Схи-стәи неиқәысҵозаргьы, убри ауаҩы
лыԥшаах, ауаҩы мҳәыр иҟынӡа сцарц сыӡбеит. Сца егьи
ҳәа, закәыхи, «Стоиота» машьына еихаххаа, исыҵԥраауа
исыҵагылоушәа ауп сышцәажәо. Зыԥсаҭа иаԥшуаз сҩызак,
сыҽкаршәӡаны сиҳәеит, ес-иҟалалакгьы, имашьына мышкы исхимбаарц. Анцәа илԥха иоуааит, «гәаҟрак» аҵыхәала
сшымҩахыҵуаз аниасҳәа, иаргьы зызхара зфахьаз ҭәышьцылак иԥа иакәын, мап сцәимкит. Саргьы ҩын-ҩықәра
сыхҭырԥажә еиԥш сақәиҭны абри адунеи сарӷьа џьыба
иҭеиҵазшәа, сгәырӷьара нхышхыҵәеит.
Адырҩаҽны, амашьына усгьы исымагәышьамызт,
аха аныҟәашьа ма издыруан. Ашара снаҵагылан, амашьына сыӡәӡәеит, исыҳәҳәеит. Анҭ сахьцалакгьы зыда
ԥсыхәа сымамыз сқьаадқәеи скалами сарҭмаҟ инҭасҵан,
исҭахыз зегьы насыдгаланы, аӡын ӷыжәара «Ашьха ду»
сышьхнылозшәа сҽааибысҭеит.
– Ушьҭа, Анцәа уда гәыӷырҭахлаҳәа сымам. Анцәа ду
сырманшәал, уара, ауаҩытәыҩса дызшаз! – сҳәан, Анцәа
снаиаматанеин, сылахьи-сыџьымшьи ааџьарны, амҩа
снықәлеит.
Алмҩанык Бабахь иҳаиҳәаз сшазхәыцуаз, иара ихаҭагьы
сыбла дшыхгылаз, Ӷәада ақыҭа сналагылеит. Амрагьы
шьыбжьаара агәы иныҵаӷәӷәахьан. «Имԥсыша, амахәҩа, аҟәаршра илоуршәыргьы, амаҵә аҿалоит!» – шырҳәо
еиԥш, Матуа Мез инхарҭа аҟынӡа ҽырҩымҭак шыбжьаз,
санынаԥш, Мез деиқәышлаҳәа, иашҭа ԥшӡа иқәгылаз ахьаца иамҵагылаз арымӡ еихых-еиҵых ду дшықәтәаз сылаԥш
неихьысит. Сааигәырӷьеит, аиаша уасҳәап. Мез дара рышҟа
сымҩа шнагаз агәра анига, ашҭа сҭалаанӡа илабашьа
иҽанҵаны, ацәашь еиԥш дҩагылан, агәашә ахь иҿааихеит.
– Мшыбзиақәа! – сҳәан, заа алыкә нылыршәаны агәашә
иааиртхьаз сынҭалеит.
– Бзиа убааит, дад, бзиа умшхааит! – иҳәеит Мез, рышҟа
сымҩахыҵра дшеигәырӷьаз мҩашьо. Смашьына аҵәа амҵа
инаргыланы сҿанынасха, Мез даасԥылан: «Есымша абзиа аҵыхәала умҩахыҵлааит! Бзиала уаабеит, уааи, дад,
арахь!» иҳәеит еиҭа. Нас, саԥхьа днагылан, аҵәа амҵахь
иҿынеихеит.
Аҽны, «иахьак зынӡа амра кашәоит!» – шырҳәаҵәҟьоз
шоуран. Аха Мез дахьынхоз ахәы ԥшӡа ахәхәаҳәа
инықәышәшәоз аԥшалас хьшәашәаӡа, иԥсыршьагаха,
укәа-умаӷра инҭахәмаруан. Ашҭа иқәгылан, ажәытә-аҿатәи
рыцәгьеи-рыбзиеи рышаҳаҭ, иаакәыршаны ршьиала ихыркны, ҟауарла ихыбыз ахьатә кәасқьа. Акәасқьа иаҿаԥшьын,
еихҳәа-еиҵҳәа, ҳалалра гәарҭак згәыҵаҳәҳәаз, ахәажәцәа
зыҟәнылахьаз Мез иган ҩны ду!
– Раԥхьатәи асас быжь-насыԥк ицуп, – рҳәоит, дад. Иахьада сыҩны усымбац, уааира сеигәырӷьеит. Уабанӡатәиу,
дад, ҵаара ԥхашьарам? – днасазҵааит Мез.
– Сара с-Кәтолтәуп! –сҳәеит, саламлацәакәа.
– Узԥада сыҷкәын, Кәтолтәыс?
– Мқанба Ирод иҷкәын соуп! – сҳәеит.
– Ҳаи, уԥсынҵры еиҳахааит! Ирод дсымдыркәа! Ацә­
тәыҩа еиԥш ақыҭа ирылагылоу ауаҩ кашыр дыззымдыруада! Дад, бзиа ҵыхәоума умҩахызгаз усҟангьы? – иҳәеит,
Мез иҽааизганы.
– Бзиа ҵыхәоуп, ааи, Анцәа цәгьара ҟоумҵан! Уара
ҳәа ахьуасҳәо саҭоумҵан, аԥсышәаҳәароуп, Мез. Ушьҭа,
Аҟәантәи иахьа ушҟа сымҩахызгаз уҵамкыкәа иуасҳәарц
сҭахуп, агәырҩа уасмыргозар! – сҳәан, саанапырҟәыҷышьапырҟәыҷит.
– Дад, дукәыхшеит, сара сызхәарҭахап ҳәа иуԥхьаӡаз
аус азы схы ухызбаартә изуазеи! Изакәхарызеишь, усҟан­
гьы адгьыл аҵантәи ухәҟьа-ԥсҟьаха ухы сықәкны уаазцаз?
– иҳәан, Мез иҽаиргәыҩ-ҿыҩит.
Сара уи ашла разы ицәажәашьа, исҳәарц исҭахыз
азы, акыр схы-сгәы азҭанаҵеит. Жәац Бабахь ицәгьараҿы
гәынамӡарыла дышҳацәажәаз, иҳаиҳәаз зегьы акы
навамыжькәа Мез иасҳәеит. Аҵыхәтәан:
– Мез уххь згеит, абри ауаҩ иҳаиҳәаз ажәа ҭынха
аҵареи-амцреи ахьынӡаҟоу, уара уӡбахә зласаҳахьоу, излаздыруа ала, ҳжәытә қьабзқәа реиҿыхырҭақәа ҽеила
издыруа еиҳаб ҟәышк уоуп. Аиаша соуҳәар сҭахуп.
Иаахжәашәа исҳәоит, аха иашоума, Мез, Бабахь иҳаиҳәаз?
Ажәытәан убасҵәҟьа иҟазма аԥсуа жәлар рыцәгьара
ақьабз? Убас акәызма, агәаҟра иақәшәаз, ахацәа шидышшлоз? – сҳәан, ишсылшоз, Бабахь инаҳаиҳәаз зегьы, Мез
икәа-имаӷра инҭасҳәеит.
Мез шәымҭақәак ҿымҭӡакәан, ҵаҟа дышьҭаԥшуа дтәан.
Нас, илабашьа аҽыҩҳәа инарсны, ихы дааҩахан, даас­
ҿаԥшит.
– Ажәытә аахыс абри ақьабз абасҵәҟьа акәызма ишы­
ҟаз уҳәеит! Избан ажәытәаахыс? Иахьа уажәраанӡагьы
ус ами ишыҟоу!.. Ҳаи, ҳаи, Агыр Мақ ду иԥа Бабахь бзиа,
ус имҳәакәа нас, уаҳа ишԥеиҳәарыз! Ааи, анаџьалбеит,
анаџьалбеит! Акаамеҭ анырҳәа: «Сара соуп акаамеҭ ҳәа
Аԥшхыц атәыҩақәа ахаргыланы, амцабз аҿыҵҟьо, ажәҩан
иалыҩрны икаҳауа џьушьома, дад! Абри исоуҳәаз ахаҭаԥсаҭа ауп акаамеҭ! Ҳабдуцәа рабдуцәа зқьы шықәсала,
жәҩахырла еимданы иааргоз ақьабз, иахьа еиҵагылаз
рыхшара еицаркуазар, уи каамеҭымкәа изакәызеи нас?
Ҳжәытә қьабзқәа роуп, иахьа уажәраанӡа ҳаԥсуареи,
ҳаламыси еиқәырханы измоу.
Зыхҭырԥеи зхылԥарчи зхамҵаӡакәа, зхы хтны аԥсра­
ҿы инеизгьы, зыхҭырԥа зхыхны агәаҟра иақәшәаз идыш205

шылазгьы, аҽада аҟәарҟәар ахаҵаны аԥсраҿы иақәтәаны
инеизгьы еиԥшуп, дад! Бабахь ицәгьараҿы ари аҩыза
арыцҳара аниба, изымчҳагәышьеит убама! Аиҳаб ҟәыш
дыҟанаҵ, аиҵбы хьмыӡӷ игаӡом. Егьа умҳәан дахьугалак­
гьи, жәытә ҷкәынами рыцҳа! – иҳәан, аҵанӡа даақәыԥсыч­
ҳаит Мез.
Ҳаицәажәара ахи-аҵыхәеи анеиқәаҳҳәалоз аамҭазы,
фатәы-жәтәыла аишәахьча ықәырҭәааны, иааганы иаа­
ҳамҵа­лыргылеит, дшаҵәы-шаҵәуа ԥҳәызба ҟаимаҭк.
Ацәарҭәеиԥш иҩеижькакараӡа, «алаҭаҷаҷа» шыла иалхыз ҳаԥсуа бысҭа еиқәҵақәа ааганы иаақәлыргылеит.
Шәымҭакгьы ахмырҵкәа, ажьҵаа афҩы лаҳа-лаҳауа,
шәхаҩала ҳбысҭа еиқәҵақәа рыԥхны, аҩы еиқәаҵәа
ацыԥхьқәа аҵәцақәа ирхыҳәҳәыла инҳазҭалҭәеит. «Цәгьа
дкылԥшҩуп» ҳәа, саргьы сыблақәа ныҵыркәырны, ҿыкибзыки ирзымҳәоз аԥҳәызба инеилалҵаз афатәқәа сылаԥш
иныҵго сыштәаз:
– Уа бзиала уаабеит! Акы ахьырҳәо, акы ыҟоуп! Абыржәы
Ҭарашь дҳахҭыгәлондаз ҳәа сгәы ианааҭысҳәаауаз, уаргьы ҳашә уаалагылеит, мышьҭабзиала. Уҿаҵахәы Анцәа
имырӡааит! Ҳаргьы ҳнапы ӡык нақәаҳҭәоит ҳәа ҳшыԥшыз,
ԥшӡала, уаргьы уааҳахҭыгәлеит. Унапы ӡык нахьырша,
уара уеиҳабуп, ари аҩнаҭа иахыԥхьаӡалоу уоуп! – иҳәан,
абҩа гәыгәым аӡыԥсы ахьшы изкыз аԥҳәызба лышҟа
иҿынеихеит Мез. Аха: Уҩнаҭа уара уаԥшәымоуп, уда аҳ
Анцәа деимҭааит!» – иҳәан, Ҭарашь аԥхьа анапыӡәӡәара
мап анацәик, Мез саҭоумҵан иҳәан, инапы иӡәӡәеит.
– Асас быжь-мышрак, быжь-ҵыхрак ицуп, рҳәоит. Дад,
уеиҵбуп, аха иахьала, амчра уара иумоуп, унапы ӡык
нақәҭәа! – иҳәеит, Ҭарашь сышҟа инапы ааирххан.
Аҟәыш иара итәы иҳәеит, аха сара сҭыԥгьы сымдыруази!.. Ҭарашь инапы аниӡәӡәа, саргьы снапы ӡык нахьсыршан, ахьаца амҵа ашәшьыра шьҭашьшьы иамҵагылаз
аишәахьча ҳнахатәеит.
– Анцәа ду иҳаҭәеишьаз амаҷ-саҷ ҟәнымшьакәа,
чеиџьыка хәыҷы, чеиџьыка ду ыҟаӡам рҳәоит, шәхы
нахышәыԥхьал, шәыххь згеит! – иҳәан, Мез ихәы раԥхьа
инапы наиркит.
Ҵәыцақәакгьы аанкыланы ҳаибаныҳәақәеит. Ушьҭа
избоит ашлақәа ажәабжьқәак рхы дырсаларгьы цәгьа
ишырымбо. Аргама, сара иалазгаларц шырҭахыз гәасҭеит.
Саргьы исҭахгәышьан, аха адгьыл сыгәон. Алаԥш-ҿаԥшы
шсымаз амҩа сықәлар акәын. Аӡәы имашьына, напы
мыӡәӡәа иимкуаз сақәтәан. Аԥсҟы мыжда акразгьы афы
аусцырҟьахуаз, смарҵеин аҟнытә, зынӡа исцәыхәлаанӡа
амҩа сықәлар сҭахын. Убри азы абарҭ, уаҵә зыда смоуаз
ажәабжьҳәацәа, злалазгалаша исҳәаша шсымазгьы, сгәы
шхьаблаауаз сҽааныскылеит.
Ажәақәа шынеихырҳәаалоз чарабжара ааухьан еиԥш:
– Изакәызеи, аҷкәын, аҭаца ҿыц леиԥш, ухәы хырбкаауа,
иукрыфашьоузеи! Уара уарӷьа напы ишьҭнахуа уфозароуп, иахьеи-уахеи изызҳауа арԥыс! Абыржәоуп уҭәымҭа
уанҭагылоу! – иҳәеит Ҭарашь, сыкрыфашьа згәамԥхаз.
Мез дахьтәаз, имаҿа ици-ишәи инарыдикылан, дын­
цәыҵаччан:
– Ҭарашь, аџьоубеит, счеиџьыка хәыҷы еиҿаскуашәа
иҟалозаргьы, ҳаӷоу изхара ыфаны, имгәа ақәа анԥо, аишәа
дахыҵааит, изакәызеи аҷкәын иабжьуго! – иҳәеит, Мез
аишәахьча ахаҿы дахьтәаз. Иагьааибарччеит!..
… Ажәҩан иналԥрааз аԥеимбарцәа рсахьақәа нылкаа­
уа, зеиԥш уаҳа адунеи дықәымлоз ҩыџьа ашлақәа ахәы
ԥшӡа инаҿаԥсаны сахьаауаз, ҳәашьа змамыз цәаныррак
аххаҳәа, џьара, сгәаҵахь еицралон.
Саауан Ӷәадантәи сгәы-сыԥсы рҭынчны. Иӡхьаз-иԥсхьаз
аԥсуа жәлар рқьабз аԥсы ахаҭәҳәаны!
«Умар, уара уабдуцәа рыхҭырԥақәа рхыхны агәаҟра
иақәшәаз идышшыло иабоубахьоу, иабауаҳахьоу?» – Бабахь иажәа ҭынхақәа абыржәыҵәҟьа игәырԥшаагаха слым­
ҳақәа ирҭаҩуан…
«Зыхҭырԥеи зхылԥарчи зхамҵаӡакәа, зхы хырҟьаҟьа
аԥсраҿы инеизгьы, зыхҭырԥа зхыхны, агәаҟра иақәшәаз
идышшылазгьы, аҽада аҟәарҟәар ахаҵаны, аԥсраҿы
иақәтәаны инеизгьы еиԥшуп, дад» – иажәақәа ҿыцҳҳара­ӡа
еиҭа насхьигӡеит Мез!
«Ааи, гәышьа, уи ԥсаҭа цәҳагарами!» – саргьы сгәаҵа
инҭысҳәааит амҩа сахьықәыз...Сгәалашәарақәа, сгәалашәарақәа! Заҟагьы шәааигәоу­
зеи, заҟагьы шәхароузеи! Заҟагьы шәласузеи, заҟагьы
шәхьанҭоузеи, шәарҭ шәымҭак иԥсыршьагоу, шәымҭак
игәырӷьаҿҳәашоу, нас сажәра хьшәашәа еиԥш, игәырԥ­
шаагоу, игәырмаҷгоу, ибжьыдоу, ишьҭадоу, сгәалашәарақәа,
сгәалашәарақәа!
Аа, уажәы, ииасхьоу, ицахьоу амш сыдгьыжьылоит. Убас­
ҟан исзымбаз, убысҟан хырҩ ззысымуз, исзышьҭымкааз,
аԥшӡара зегьы, уажә игәырԥшаагаха сыблақәа иаарыхгылоит…
…Иаацәылашеит адәахьы. Шарԥазы агылара сабду
ҳаиршьцылахьеит. Аха зегьы акоуп, сара ашьыжь агылара,
ишырҳәо еиԥш, аԥсра ацәа ахыскаауан. Сҩышьны сызлаз
ашьыжьтәи ацәа хаа сзалҵуамызт. Сашьа еиҵбы Кәҷаҷ
сшьапаҿы дышьҭан. Уи ашара адәы ианаақәлоз дымгылар
иуӡомызт. Уи моу, иара сабду ҭамҷыҭ иҿыхоз иаԥхьагьы
дгылон.
«Сара стәы ҟазҵо, сара стәы здыруа Кәҷаҷ иоуп, иабду
дикәыхшоуп!» – иҳәон сабду, сашьа дҳәар-ԥсаруа агылара иҽаназиклак: «Уабацо, уара угыланы? Макьана бабагьы
дмааԥшӡац. Аша еҵәагьы аԥштәы нахымыггац. Уҽаашьҭак
макьана!» – ҳәа шьапыла снаицәхасуан, аха сыгәхьаа
мкӡакәа, ашырҳәа дҩагылон…
Иахьагьы дышгылара дангыла ауп, бабагьы анҳақәҿиҭ:
«Шәгыл, дад, шәгыл, адәахьы ишшара ишахьеит. Ашьыжь
ацәа шәалкәыкәаара сҭахгәышьам, аха уаҳа даҽа мҩак сымам, сзаҵәхеит! Ҳамхгьы, ԥшӡала, азнашәа инахыԥахьеит.
Абыржәы ишхәыҷу аҽага аҵумгар, знык аџьалакьат иакыр,
нас хәарҭаԥшьк узаҭаӡом!» ҳәа ихала дцәажәо, ҳкәасқьа
абарҵа дықәланы иҿынеихеит…
…Ашьыжь абарҵа санаақәгыла, сабдуи сашьеи
рҽагақәа рыманы агәашә инҭыҵхьан. Абжьааԥынгьы ус
акәын. Дара аҩыџьагьы амхырҭа инҭаланы, амаҭа аҩагара
ианалгалак акәын саргьы саннеиуаз. Аха иахьа сгәалаҟара
бзиан. Сабду, Кымҷа ижьира иҵганы, иҿыцҳҳараӡа,
иҿыбааны исзааигеит, абаҳаҽага ҳәа изышьҭаз. Уи аҽага
цәгьала иманшәалан. Абаҳа аҿи, аҽага атыҟәи еиласаны, еиҿыбааны иҟаҵан. Шықәсык зхыҵуаз, алҩа злысхьаз арасатә ҽагахә шшәырӡа, апхаҳә ахьшьны, икакәкәо,
аԥшӡара икны иаго иахаҵаны, ҳаҩны ашьҭахь ашымҳа
игылаз амахә аҿы икнаҳан!
Сҽага сыманы снеин, есымша сахьгылоз сҭыԥ усгьы издыруан, сабдуи Кәҷаҷи рыбжьара снагылан
арашәара салагеит. Аӡәгьы ҿаҳҭӡомызт. Макьана амра
абыз ывҵнамхӡацызт. Ашьыжьтәи ашәаԥшь мрагылара акалҭ ҵнаршон. Иласкәантраӡа инкашәшәаз аԥшалас,
игәыҟаҵагаха, укәа-умаӷра аҽынҭанарҳәуан. Нахьхьи,
зҭашәара иахьымӡакәа изықәшаз амза кьагәа, ашәахсҭа
еиԥш, мраҭашәарахь ажәҩан хымаа иаҵаршәын. Абжьышьхак ирхыкны, иҟәашккараӡа, ацәашьы шкәакәа еиԥш,
ашьха ҵәцашқәа иргәылыҳәҳәон, аеҵәара згәыҵаҳәҳәа
иааԥшуаз асыԥса шкәакәа? Иааҳакәыршан, ихьы рҩашха,
еихызҳәаалоз аҵар рашәабжьи, ахәыжә-хәыжәҳәа иаҳҟьоз
ҳҽагақәа рышьҭыбжь заҵәыки ракәын аҭынчра еилазгоз.
Абжьарак, абыржәымзар-абыржәы, ашара маалықь ажәҩан
саркьа дналԥраан, абыржәыҵәҟьа дынкаԥрып угәахәрын.
Аҵх иаӡәӡәаз-иаҳәҳәаз ацқьареи, аԥшӡареи, аразреи
иԥсылҩаха ахәы ԥшӡа иқәыршан. Зыԥсы кәацоз, макьанагьы Абрскьыл иуал зымшәацыз адырганҵыхәа заҵәы:
«Уаҵәы иусҭоит, уаҵәы иусҭоит!» ҳәа аҵыхәа ӷраҷкәын
ыркәашо, ҳарашәасҭа инхысло иҳашьҭан.
Сабдуи, сашьеи, сареи рашәараҳәа амхы ҳанҭалоз, есымша аимак ҳаман. Азнашәа акәзааит, аҩынашәа акәзааит,
сара есымша аԥш ашьапқәа инармыцхәны, ршьапқәа
ирыдсыҳәҳәалон. Ус ахьыҟасҵоз, сабдугьы сашьагьы ҿык
инеицҭацәажәазшәа, ирҭахӡамызт. Урҭ аԥш ашьапқәа
уаҩак-уаҩак анышә нарыдыԥсаланы, иахысны ицон. Убри
адагьы, зегьы акоуп лапҟьак-лапҟьак шьаҭацыԥхьаӡа усгьы ирҿалоит ҳәа, аԥш ажәпара неилҟьа-ҩеилҟьаны,
иахьынӡахәҭаз имрашәаӡакәа иаанрыжьуан. Убырҭ зегьы ухы иқәукрын, аԥш шьапқәа аӷаны иахьықәгылаз
икылдрашәаауан.
– Уара Анцәа згәыхәтәы иахьигӡаша Умар, аџьабаа мыцхә
уазыԥсуама! Аԥш ахьықәгылам адгьыл баша изуҽозеи? –
иҳәеит сабду, аамҭацк иҽага неиԥышьҵыргәаны.
– Ыы, нас, адгьыл сымҽакәа, аԥш шьапқәа аҳаскьын иасыргома? Аҩынашәа ҟалаанӡа, аҳаскьыни аԥши еихьымӡои!
– сҳәеит, сабду ииҳәаз зынӡак иаасгәамԥхаӡакәа.
– Еихьӡаӡом, дад, еихьӡаӡом. Аҩынашәа ҟалаанӡа, абри
икылҳрашәааз аҭыԥқәа зегьы, ҩынтә амии, аҷҟәыртати
рыҵырхааны, есыхәылбыҽха, акамбашьқәа ираҳҭоит! –
иҳәеит сабду.
– Ани Кәҷаҷи уареи аԥш шьапқәа еилымхӡакәа,
иԥымҟаӡака, еиҵассы изеилашәыргылозеи? – сҳәеит,
идрашәаз аԥш шьапқәа снацәа нарықәыскын.
– Урҭ аҩынашәа ҟалаанӡа, рхаԥыцқәа ахәа иҵырлагаартә,
ашхы ирфоит. Уи адагьы, аҩынашәа аан иԥаҳҟо аԥш
шьапқәа ҟәшәаны, амра ицәҵаны иҳарцәоит. Уи аҩынашәа
иаҵгоу аԥҳә-рцәа, аӡын азыҳәан, арахә рзы иқырбыҷхоит!
– иҳәеит, сабду дмыццакӡакәа, ииҳәоз, ззиҳәоз еилыскаар
иҭахны.
Мышкы хәлаанӡа азнашәазы иԥаҳҟоз аԥш шьапқәа
ҟәшәаны, нымҩа-нымҩа иҿаҳәаны, амра ицәаҳҵон. Аԥхьан
ишысҳәаз еиԥш, амра ишарцәара ианарцәалак, иганы ана210

ныра иқәаҳҵон. Убас ҟаҳҵон азнашәагьы аҩанашәагьы
ирыҵаҳхуаз аԥш шьапқәа. Ажәакала, сабду баша ԥшшьапык
аҵаирбаауамызт. Убри иаҷыданы, икылдрашәаауаз аҭыԥ­
қәа рҿы игылоз аҷҟәыртати амии, кәыӷәласак аанмыжькәа,
аԥш аҿалара иалагаанӡа, хынтә аҳаскьын аҵҳархаауан.
Убырҭ зегьы еидара-еидарала, иганы, есыхәылбыҽха,
акамбашьхьақәеи, ажәхьақәеи рзы ажәгәараҿы ишьҭаҳҵон.
Убырҭ схәыҷра амшқәа исхысны ицахьоу, аа,
абыржәыҵәҟьа акәушәа, сыбла ихгылоуп. Сара схәыҷра
иҭызгаз сҟазшьа, сажәра иҭазгалеит. Изхысҳәааз, сабдуи
сашьеи егьарҳәазаргьы аԥш кылсрашәааӡомызт. Иҩбахаз,
ԥсыхәа ахьынӡамаз, аԥш раԥхьатәи абӷьыц илнагаз аҟынӡа,
ахәда иныҵаԥсо аԥш шьапқәа анышә рыдсыҳәҳәалон.
«Иумун, дад, аԥш амыцхә анышә адуҳәҳәалар, ашьапы
ашышкамс иркуеит!» – иҳәон сабду. Аха сара ацәгьагьыабзиагьы ахымҳәааӡакәа, ишысрашәац исрашәон. Сабду ииҳәаз схаҿы иаамгаӡакәа, аԥш шьапқәа ишрыхәҭаз
иқәыргыланы, изыхәҭамыз зегьы ԥысҟон. Уи зегьы, аҵыс
ашьапы ахьыԥҵәоз здыруаз сабду изгәамҭо дыҟазма, аха
инаҩцаны исыдицаломызт.
«Умар иан дикәыхшааит! Иикуа-иишьҭуа зегьы бзакыбзашьҭуп!» – лҳәон, сан, сырашәасҭа данхыԥшылалак. Уи
сара схы-сгәы азҭанаҵон, амч ҷыда сыланаҵон!
Амра жәхьан агәаҵаӷара ианааҵагылалак, сабду
ҳаԥсшьара аамҭа иналагӡаны, ҳавараҿы аӷдара днылаланы,
арас хылԥа-рқьақьақәа ҳацыԥхьаӡа иаҳзыҟаиҵон.
«Арас-рқьақьа есымша аԥша хьшәашәа ласӡа
иаҵоуп. Арас ашоура шуҟәнакуа, ахьаца ашәшьырагьы
иуҟәнакуам!» – иҳәон, сабду. Ҳаргьы ашоура шааҵыслак, уи
арас хылԥа ҳашьцылан, арас ҳмоур ҳәа ушәозма, есымшашара арас хылԥа ҿыцқәа ҟаҳҵон. Маҭак хаагалацыԥхьаӡа,
ҳаԥхӡы ҳалабаанӡа, аҵәа амҵа ашәшьыраҿы ҳнатәаны
ҳаԥсы ҳшьон. «Иахьа баша агьазарха ҳамаӡам!» «Мҟаҟа-ча
аамҭа ҳҭагылоуп!» «Лаҵан илоумҵаз, дад, бҵан иузыбҵом!»
– иҳәон сабду. Баша, хыда-гәыда аамҭа иаҩишьҭуамызт.
Шьыбжьы агәы инықәлазаргьы, ушьҭа инықәлахьеит
анигәахәуаз:
«Кәҷаҷ, дад, уҽынеидыԥсаланы, ашьхаҟа ухы рханы
уааҭгыли!» – аниҳәалак, Кәҷаҷгьы сабду иажәа ҩбамтәкәа,
ашьхаҟа ихы рханы, амаҭа днаҿагылон. Игага-кахәхәа,
ииашахәҵәаӡа иаԥхьа ианаагылалак, сабду исааҭ уи агага
акәын.
«Оп! Еихшәа-еиӡшәа, икьазызуа шьыбжьы агәы ааиҩнахит!» – иҳәон сабду. Нас, уи иԥҟа-ԥҵәаз акакәын.
Ҳҽагақәа ҳахәда инықәҵаны, шьыбжьон ҳәа ҳанҭыҵуан.
Сан шьыбжьаара аԥны инақәыршәаны, абысҭа ацәарҭәа
еиԥш иҩеижькакараӡа иуны, ҳааира дазыԥшны архышьна
инхылшьуан. Сан, ачуан еилыблаауа, иаакәыршаны, аеҵә
рышьхыҵә реиԥш, ачуан иаакәыршаны, амцабз ацыԥхьқәа
анааибаклак: «Анцәа иҳәозар, хымԥада ақәа мыш ҳзауеит!
Аарҩара иқәнакыз ҳаурақәагьы рыԥсы еивыргап!» –
лҳәон. Еилыбзаа-еилыбзаауа, амцабз ацыԥхьқәа ачуан ианаацралоз, егьа амра каҵәо, ахаҳә архәтәуазаргьы,
имҩашьахуа дыргас илыман. Убри иаҷыданы, абысҭа аакныхны, мысҭхәагала ихәаны, аҿахрақәа аишәа анҵара даналагалак, абысҭа ахԥсыхь ачуан ианааҭачлак: «Уеизгьыуеизгьы, арҭ аҩымш иахымгакәа, ақәа нкыдхаҽарц иҟоуп,
Анцәа ду иџьшьаны!» – лҳәон. Даҽазныхгьы ҳацгәы хәҵыш
ҳбарҵаҿы, ашьыжьтәи амырхәага ицәтәаланы, мрагыларахь аҿы нарханы, арӷьа шьапы абз нахьшьы-ҩахьшьны
аҿшьра ианалагалак: «Аамҭа бзиак ҳзыҟалоит! Ҳацгәы
хәҵыш, мрагылара ашәаԥшь ахы налакны, аҿы аӡәӡәоит!»
– лҳәон сан. Оумашәа иубаша, абарҭ сан амш аҟазшьақәа
рзы дыргақәас илымаз зегьы ахҭа иҭашәо, иашахон.
Амши аҵхи уаҵә иҟалашеи рдыргақәа, иахьа уашьҭа зеиуа нымхаз, сан ирацәаӡаны илдыруан. Сан лҟынтәи сара
иахьа уажәраанӡа сгәалашәараҿы инхақәазгьы маҷӡам…
Даҽаџьара самхаҿацәеит. Арашәара аҟынтәи ҳанааи,
сан алеи-аԥси рыбжьара, ала-ҭаҷаҷеи, алагажәи ирыл212

хыз ашыла бысҭа ацәырцәма еиԥш, лмацәахы иакәыршо,
абысҭа еиқәҵақәа наганы, ҳашә-ҵла агәаԥшь иалхыз
ҳаишәа ҟьаҟьа ду, инеихык-еиҵыкны инықәылҵеит. Аҭаацәа
зегьы аишәа ҳнахатәеит. Аха сабду ихы-иԥсы ҿыхны,
афронт ахь иҟаз саб изыҳәан, Анцәа ду диаматанеины,
иҳамҵагылаз аишәа иқәыз ҳахәқәа, ҩ-мацәак неихышьны
иџьараанӡа, ииҳәашаз ҳәаны, игәы-иԥсы ирҭынчаанӡа, ҳара
зегьы ҳҳарҭа-сырҭа ыҟамкәа, сабду иныҳәара аҵыхәтәа
неиқәиҳәалаанӡа, хәыҷгьы-дугьы аишәа ҳахашәаҟьаны
ҳтәан. Сабду ихәы инапы анынаирклак, ҳара зегьы аӡәк
иеиԥш акрыфара ҳалагон. Ҳхы аадыруа ҳаныҟала инаркны,
ҳабду ус ҳаиршьцылахьан. Абри аԥсуа ҟазшьа, аԥсуа қьабз,
ар рзакәан иаҩызан, унахыҳәҳәар ҟалаӡомызт.
– Нан, ашә узымхазар, еиҭа узагәыласҵап! – лҳәан,
сара зегь раԥхьа зегь рылымкаа, ирласны зҿаҵақәа
аазыԥсхызшьуаз, сан даасхагылан, ашә еилаҵа сак сбысҭа
инақәылҵеит. Сара сасра инеиз аӡә иеиԥш, саацәыԥхашьеит.
– Хәыхәа, дад, аҷкәын ихәы дызхыбыԥхьалаз, ихы
алаигӡоит, дабмыршьцылан! – иҳәеит, сабду сашәса саналга.
Сабду есышьыбжьон ҳаԥсы анаҳшьоз, шьыбжьхьа анаҳфалак, ҳҵәа ду амҵа ашәшьыраҿы, иоупа ҩаза
нкаршәны, имарҭақа ихы инаҵаҵаны, дықәиан дыцәон.
Амырхәага ҳмаҵурҭа абарҵа ҽышьахәарк ианныҵалоз
аамҭазы, убри ашәымҭа иахымгакәа дҩагылон. Убыс
ҟаиҵон есышьыбжьон. Аа, уажәы сабду дҭаххаа ҳҵәа амҵа
ашәшьыраҿы дыцәан. Амра амырхәага ҳбарҵа иҵало ианалага, сабду ушьҭа ирласны дшааԥшуаз здыруан аҟынтә,
алоура зуан!..
Макьана дымгылондаз, шьыри! – ҳәа гәаныла Анцәа
сиҳәон. Аха сабду даагылазаргьы дзышьцылахьаз акәын.
Аамҭацкгьы иахмырԥакәа дҩагылон. Уажәы Анцәа
иџьшьаны, макьана дыцәан.
Сара шьыбжьон ԥсшьара ҳәа амхы ҳанҭыҵлак,
снықәымиаӡакәа, иажәеинраалоу сроман, «Аԥсҭазаара
ҿыц ахь!» ҳәа хыс изысҭаз, снадтәалон. Ах, анаџьалбеит,
заҟа схы-сгәы азҭааз убысҟан! Уажәы абри сажәра ахәы
ԥшӡа сықәгыланы сахьынаԥшуа, сгәалашәара цәашьы
иаҵәаны, мшаҽнеиԥш иалызбаауеит, урҭ ииасхьоу, ицахьоу,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Ашацәа ртәарҭа - 13
  • Büleklär
  • Ашацәа ртәарҭа - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3232
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2131
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3273
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2117
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3329
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3315
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2183
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3290
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2232
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3276
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3313
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2219
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2209
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2143
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3283
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2201
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3300
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3307
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2214
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3134
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3249
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2178
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3223
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3199
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2051
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3275
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3202
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2199
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3231
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2138
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3271
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2219
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3268
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2180
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашацәа ртәарҭа - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 2599
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1823