LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Ашацәа ртәарҭа - 11
Süzlärneñ gomumi sanı 3316
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2143
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
акызаҵәык хәыцырҭас исымаз, ачара анбаҳарҳәаришь,
анаџьалбеит ҳәа акәын. Сара уи амш сшазыԥшыз ҿыкибзыки еиҭаҳәашьа, еиҭаԥсашьа рымамызт. Уахатәи аҵх
сшыгәӡасуаз, лацәааихьшь ҟамҵаӡакәа иҟьаҟьаӡа иаашарккон. Иахьа иҳарҳәап, иахьатәи амш гәыӷырҭадахазаргьы,
уеизгьы-уеизгьы, уаҵәы ачараҳәаҩ даауеит ҳәа сыԥшын,
аха баша амшқәа хаҳәраҳатәха иниакәкәа имҩасуан.
Иааит ачароура амшгьы. Аҽны сабшан. Нас иҟалаз,
Сԥирдон схы наиқәсыкын, иаацәырызгеит:
– Сԥирдон, иуҳәаз ԥсаҭа-џьыкацуп. Ажәабжь бзиа
соуҳәеит. Ахәыҷы абзиагьы ихашҭӡом, ацәгьагьы ихашҭӡом.
Умбои, уи аахыс иҵӡозеи, аха сабду ичараҿы, даахәмаршәа,
дааузгәдушәа иуеиҳәаз, жәа-ҭынхак еиԥш иуԥхьаӡан, иахьагьы иухашҭӡом, аҵааԥс еиԥш угәы иҭоуп.
– «Иџьоушьо-иақәџьоушьо» ҳәа, саргьы саныхәыҷыз,
абри уара уеиԥш «Рыцҳарак» сақәшәеит, аха сыԥсы иахырзааны, иахьа уажәраанӡагьы аӡәгьы иасымҳәаӡацызт.
Уара сабду итәы цәырумгазҭгьы, абыржәгьы мшаҽны
еиԥш, икаххаа ишысгәалашәозгьы, ицәырызгарц сгәы иҭа
ӡамызт.
Иҟалаз уиоуп, ҽнак, ҳгәы иҭамкәа ҳхы иҭамкәа, Сԥирдон
ԥҳәыс дааигоит, ачарагьы асабша ауха ауп ҳәа ҳаҳаит. Сара
уара учара зегь реиҳагьы сеигәырӷьеит! Сабгьы: «Ҳгәылара
ачарахь заа цатәуп, ҳхарҭақәа еидуп, ԥхашьароуп!» – иҳәан,
аҽазыҟаҵара даҿын. Аха ашәахьагьы цеит, аҩашагьы цеит,
уажәымзар-уажәы ачара ҳарҳәоит ҳәа ҳаԥшны ҳаштәаз.
Аха учара ахабар ҳәа уаҳа егьаҳмаҳаит.
«Ачара рымҳәазар, ирымҳәеит. Рықәҵатәы баны ршьапы
еиҵырхзар акәхап!» – иҳәан, сабгьы оумашәа ибазаргьы,
инмырԥшкәа иҽааирҭынчит.
Ачара аҽны, асабша ашьжьымҭан, аӡәы ашара даҵа
гыланы ашҭа дааҭалеит. Сара уи ахаангьы абыржәада
дсымбацызт!..
– Нас, нас? Зегь акоуп, ихьшәаны днеизаргьы, ачара шәеимҳәеи? – иҳәан, сажәа анагӡаха сымҭакәа
даасԥыҩлеит Сԥирдон.
– Умыццакын, уӡырҩла! Ашҭа иааҭалаз арԥыс, саб
аҩныҟа дааиԥхьеит, уимоу, иагьидицалеит, аха имукәа,
иџьыба дынҭалан, қьаад бӷьыцк ааҭиган:
– Сара Сԥирдон ичара аҟынтәи, абри ақьаад бӷьыц Ирод
Мқанба иҟынӡа иганы иҳазиҭ ҳәа саарышьҭит!– иҳәан,
ақьаад бӷьыц саб инаииркит.
– Ҳаи, Анцәа илыԥха роуааит! Арҭ ачараҳәара иагхазаргьы, иҳарҳәарц ауаҩы даарышьҭзаап! – сҳәан, адунеи азна
сеигәырӷьеит.
Саб изаарышьҭыз ашәҟәы бӷьыц абас аҳәон: «Ирод,
уххьзгеит! Суҳәоит акы еиԥшымкәа, ҩажәа ԥҳал зкуа убҩатә
қәаб ду, кәац жәыгас иаҳҭахуп, абри аҷкәын иҳазиуҭарц!»
Ҳаҭыр уқәызҵо ақыҭа асҭаршын Ездара Мықәба.
Иззыҟаиҵаз сыздырам, аха сабгьы ицәыҵамҳәакәа,
ақьаад бӷьыц ианыз даԥхьеит.
– Иҭабуп, дад, уаазышьҭызгьы уаргьы, сыбҩатә қәаб
ду ачарахь иахьнашәыԥхьаз! – иҳәеит, саб. Уажә избо
џьысшьоит, уи зыхьӡи-зыжәлеи иахьагьы исзымдыруа
арԥыс, ҳқәаб ду ихарззала иманы дахьнеиуаз.
Сԥирдон, саргьы абри ахҭыс, иахьагьы уаазбацыԥхьаӡа,
аҵәымӷ жьакца еиԥш сгәы иналакьакьоит. Иҩбахаз, ачара
ахьҳашәымҳәаз, ҳара ҳхаҭыԥ аҿы ҳабҩатә қәаб ачарахь
иахьнашәыԥхьаз акәӡам. Еиҳагьы сгәы иалоуп, ҽы-уаарала
ҳқәаб шәахьаҳәаз. Абри еиҭасҳәахуеит, ицәырызгарц
сҭахымызт, Сԥирдон, аха сара сиаанӡа иҟалаз ахҭыс иахьа, иҿыцҳҳараӡа аҵәы ианахоуҵа, уаргьы хышла-гәышла
ушыкәабамыз уҵасымкит. «Зхы ззымдыруа, ихы иурдырроуп!» – рҳәоит, сҳәан, сааԥышәарччеит.
Сԥирдонгьы даахәи-ҵәиин, дааччашәа иуит, аха иччаԥшь
еиқәаҵәан!..Мҽышак аҽны, амра аныҩхашылоз: «Ԥссыкьа ахьырҳәо,
Гыд хыс-хыс!» ҳәа, аӡәгьы ҳхы иҭамкәа, ҳгәы иҭамкәа, ани
зехьынџьара, ҵангьы-мцынгьы аусҳәарҭаа идырқамсоз,
ақыҭа милициа Кәыжьи, ҳабригадири, рҽабаақәа еишькласуа, ҳашҭа иааҭалеит.
Оумашәа ибеит сабдугьы! «Анцәа имш азгьы, аԥсы
ааиҭакха ҳарымҭо иалагама арҭ амышьҭацәгьақәа, Ҿап
лԥацәа!» – игәаҵа инҭиҳәаан, сабдугьы цәымӷ-цәыбза
днарԥылеит. Арҭ уажәы ибазма, ибз зҿахьаз ракәын.
Инықәҳәа-ҩықәҳәашәа, аӷьара иаҩызаз аԥсышәак
нареиҳәеит. Сабду Ҭемраз аԥсра дақәгәыӷуан акәымзар,
иҽыжәҵуеит ҳәа дыҟазма! Ак сымҳәаӡар зынӡа иламысдарахоит иҳәан:
– Шәҽыжәҵ, дад, иҟалозар ҳаԥшәымаз! – иҳәеит,
ихаамкәа-ишшамкәа.
«Ааит, ари аҩыза агәырӷьаҿҳәаша аԥшәма иаҳԥигала
зар, «алашә ииҭаху ҩ-блакы рами» рҳәан, игәырӷьаҵәа
иааҽыжәҵит. Ҭемразгьы иҟаиҵагәышьооз, иажәа ҭҟьара
хыҭҟьарахан, раԥхьа днагылан, аҩн ду ахь инхеигалт…
– Ҭемраз уххьзгеит, ауадаҩ шәалаҳҵом. Агәырҩа
шәамыргакәа, ҳзымҩахымҵыз ҳалацәажәар сҭахуп! –
иҳәеит Кәыжьы деихала-еихыҵуа.
«Агәырҩа сауырга-егьиҳәа, авара ахышра алҩаҵә ахылззуа иумҵасыргылоит. Уаб Шьамҭлаҳә ԥсцәеирымгагьы
уаҳа иуӡомызт!» – абри сабду ихы-иҿы инанызбаалеит,
саргьы скылԥш-кылӡырҩуа асоф ацәардаӷәы сахьықәтәаз.
– Ҳара ақыҭа асҭаршын Ҟазахә ҳааишьҭит. Иахьа
ашьыбжьышьҭахь, Ашацәа ртәарҭаа рхәаҿы инхо зегьы,
ҭыԥҳа-лԥа дагымкәа, иахьышәзеиԥшу, Адаужра ахәааҿы
игылоу аҭәаҵла амҵаҿы шәеизарц. Очамчырантәи уаҩ дук
даараны дыҟоуп, ус дук аҵыхәала дшәацәажәарц иҭахуп,
– иҳәеит ҳасҭаршын. Абригь ааиҳәеит, днеихашәы-еиҵа
шәын, уаҳа ажәакгьы наихәылмыршәакәа, деихаԥсыеиҵаԥсы иҽааиқәикит Кәыжьы.
– Изакәхарызеи, дад, цәгьароума-бзиароума, изызкузеи зырҳәа абас, «ҽада рхәара, ԥынҵа рҟьара!» ҳәа,
Ашацәа ртәарҭаҿы, иаалырҟьаны аизара ааҟарымҵар ада
ԥсыхәа-ӡәыхәа зыҟамлаз? – иҳәан, сабду ацҳаражәҳәацәа
днарызҵааит.
– Абри абриоуп ҳәа, аизара зызкыҵәҟьоу иуаҳҳәаша
егьҳаздырам, Ҭемраз. Амала, даараӡа акыр зҵазкуа ус дук
иалацәажәараны иҟоуп, – рҳәеит. Абри аизара аҵыхәала,
ақыҭа зегьы ирылсны ирарҳәахьеит. Ашацәа ртәарҭаа
шәзын ауп спициально ҳаргьы ҳазхалаз! – иҳәеит махә
шәыгала иршәызшәа, амшаԥы кәтаӷь еиԥш, ихахәы ҟаԥшьӡа
абригадир дахьтәаз.
Абри аамҭазы, – «Уааишь, нан, Умар, аранӡа! – амаҵурҭа
аҟынтәи сан лыбжьы ныҵакны иаалыргеит… – Арҭ, аҳәа
акакан амҵаршәны иамухраҳа, џьара мҵҟрышьзаргьы акы
рыхәлоуҭәаанӡа, иахьа ицараны иҟаӡам. Ани «Ҟаԥшьыц»
мыжда, акәыбры еиԥш, ауатка дынхыԥсылаанӡа дуԥырҵ
ӡом усгьы. Аума иақәшәаз, аума иӡбыроуп! Ҳзықәшәаз ауп.
Абни ҳарбаӷь ҟараах рыԥсы иаҳҭап. Искын, абна акалаҭ
иҵакуп, ахәда сзыхҵәа, нан!» – лҳәеит сан.
Сара, абри ақыҭа милициагьы, ҳабригадиргьы ҽеила
издыруан. Аиаша уасҳәап, хәыҷгьы-дугьы зегьы ҳгәы
ԥырҵәахьан. Убри аҟынтә, иаазбанык исзычҳауамызт,
цәгьала исцәымӷын. Аа, уажәы, сангьы, убригьы азмырхакәа,
ҳарбаӷь цәылажә ду ахәда сзыхҵәа лҳәеит.
Дара ирыԥсхакызаалак, акы анбаҳҿадырхәхәаришь,
џьара бысҭахьызаргьы ҳанбахырԥхьаларишь ҳәа иҟыԥсӡа
итәаны ишухәаԥшуа, рҿы мырҵысӡакәаҵәҟьа индәылҵны
ицар, ҵасым мцахәыцәа! – инцәыҵалҳәеит сан.
Сара ажәакгьы мҳәаӡакәа сылзыӡырҩуа стәан. Сан ибзианы илдыруан, саагылазаргьы акәты ашьра шысцәымӷыз.
Акәытқәа рышьразы, сан изныкымкәа мап лцәыскхьан. Аа,
уажәы сангьы дҿыцҳҳараӡа арбаӷь ахәда сызхуҵәароуп
ҳәа даасыдгылт. Аха сара ес-инҟасҵалакгьы, ҳарбаӷь ҟарах
ду сымшьырц сыӡбеит. Сабду иаҳәызба хәыш акыӷәра
иахьықәыз иаақәысхит. Ҳарбаӷь ҟараах ду «аҟәыр-ҟәыр»
ахга, акалаҭ иахьыҵакыз иааҵысхын, имҟыжырц ахәдацәа
ааҵыскаан, ҳшымҳа амҵахь исыманы сцеит. Иҟасҵара
сзымдыруа ҳамҭак сгыланы ҳарбаӷь ҟаараах сахәаԥшуан.
Нас, абри арбаӷь сымшьыҵәҟьарц сыӡбеит.
Иҟалалакгьы ҟалааит сҳәан, арбаӷь ашьапхыцқәа
инарыцәхыкны, саҳәызба ала акәты ашьапы хәыҷӡак аасырсалеит. «Ҟыж»! – аҳәан, егьааԥаҭ-ԥаҭит, аха ашьапы
ашьа иалҵыз, схысга мацәа инахьысшьын, наҟ иноусышьҭит.
«Ахьшь уцламҳәа ԥнаҵәо, акәты ԥсра ухәдацәа
ҵнакаауа!» ҳәа сшәи-ԥшьиуа, ала кыдҟьо, аҳәа кыдҟьо
сшаӷьуаз:
– Иҟалазеи, иухьзеи, Умар? – лҳәан, сан дгәыҭҟьаԥсыҭҟьаха даасыдгылт.
– Амҟалатә рзыҟалааит абарҭ шәысасцәа! – сҳәан,
сыҩнацәакгьы ашьа рыхьшы, ирыӷәӷәаны иааскит. –
Иҟалазеи бымбо, ари Кәрыжәаа ирықәлоу барбаӷь шсырххоз снапы иацҳаит! – сҳәеит.
– Унан, ашьашәы рҳампал рҿаҳааит урҭгьы, амышьҭацә
гьа цәыҳә-цәыҵәақәа! Иагьаншамыз, егьаныхәламыз иаба
ҳаднагалеи, сукәхшоуп. Наҟ уаҟәыҵ уи арбаӷь цәылажәшәа
иҟоугьы. Слаԥс рызҿаҳәоуп! Ҿашәагәыӡа Анцәа ирумҭан.
Ишааз еиԥш ицап илтышахәаша, ҿааҳәыра Анцәа ирум
ҭан! – лҳәеит сангьы, лыԥсахы еибакны.
Саргьы исҭахыз уи акәын. «Сыуа даан саӷа дигеит!».
Сыхәрагьы цаха шкәакәак накәыршашәа ааҟасҵеит.
Сарбаӷь: «Анцәа уиныҳәааит, Умар, сыԥсы еиқәурхеит!»
аҳәозшәа, игәырӷьаҵәа аҳаскьынқәа инархас-аархасуа
амӡырха инықәлеит.
Ҳасасцәагьы фырџьанқәак аашьҭырхын, инахныҳәаҩахныҳәашәа рун, ахь-мыхьк рхы нахыԥхьаланы, аӡы шцара ицеит!
***
Шьыбжьышьҭахь аԥсымра ашәахәақәа, ацә ҵыхәақәа
реиԥш, аԥҭақәа ианааргәылыҷҷоз, Адоужра ахәы аҵыхәаҿы,
аҭәаҵла амҵа, Ашацәа ртәарҭаа рхәы иқәынхоз хәыҷгьыдугьы еизахьан.
–Ишьахәуп, аха абри ҳаизара изху-изҵыхәоу
уаҩытәыҩса изымдыруа, абыжькәалаԥк ирҭаӡны, рыԥсы
иаҵаҵаны ишԥарымоу! Ааигәа акы ҳалармыжьцызт,
аԥсцәеирымгақәа! Закәыхи, гәырӷьаҿҳәашак Ашацәа рхәы
ихаргалап ҳәа уҟоу. Арҭ, ала млага уақәгәыӷны, аҵыхәа кны
аӡхыҵра узҭалараҳа, уаҩ дрықәгәыӷыртә иҟоума! Уаҳа
ҿашәагәыӡа Анцәа ирумҭан, сара сыхҭырԥа нкаршәны
исныҳәаанӡа! – иҳәеит, иахьа зымҩа иаԥырҟьаз Махаз.
– Анцәа ду иџьшьоуп, абарҭ ҳарцәыхараны, ҵангьымцынгьы иаҳҿырхасҭамкәа, ҳарԥырганы, Ҳазшаз, Ашацәа
ртәарҭахь ҳахьхеигалаз. Урҭ рысаӡ ҳаӷоу далоуп! – иҳәеит
Арсанагьы, аџь хсаха икажьыз дахьықәтәаз.
– Шәаангыл, уара! Иҟалаша ҟалаанӡа, амӷыш
ԥыҵәҵәаны икашәымԥсани, аҽагьымҭан, шәшьапы иалалар ихҭәасаар ҟалоит! Иудыруазеи, шықәсык ахь знык
ашәақьгьы ахала иҭҟьахьеит! Џьара ҳзеигәырӷьаша
акы ҳазхаргаларгьы шәыздыруамеи?– иҳәеит Саид,
даалацәҟәыс-шьацәҟәысын.
– Урҭ ихаргалаша агәырӷьаҿҳәаша, ҩышықәса
рышьҭахь иҳазхаргалеит. Унеины Ашацәа ртәарҭа Тур
ихәы цқьа унықәыԥш-аақәыԥшыр, иаразнак амӷш еиԥш
ублақәа инарыхкьакьалоит «акәамхәаз» иханагалаз
«Агәырӷьаҿҳәаша!» – иҳәеит Асҭамыр деиқәба-еиқәыԥс
дахьтәаз.
– Уара ҽамыршьагала узцәажәо, иаартны иуҳәар, ухасбжьы уархамбар ҳәа ушәома? – иҳәеит, Сабыда иҽырҟәышҽырраз-ҽыргызмалшәа, аӷьара ихыԥсылаз, акәаҭан жьакца
дахьықәтәаз.
– Исҳәаз ҽырмаҳа, ҽырдагәа ҟауҵазар, уҳәа-убыз
арахь икал-кало икылсааит Мақ-Сабыда. Уара, ҩышықәса
рышьҭахь аума ари ахәы уанықәнагалаз? Иухашҭма, уара,
ҩышықәса рышьҭахь Тур ихәы атракторқәа реибашьра
аныҟаз? Уабдуцәа рыдгьылқәа атракторқәа рыцламҳәа
цәеихақәа иԥыххаа-жьыххаа ианықәырҵоз? Иухашҭма
егьа азаарцазаргьы ирзымшьыз, ирзыҵымхыз, уаа гәарҭак
здынҵәалаз, адгьыл иашәахсҭаны, иахьагьы икәашханы,
нахьхьи анаара иаҿагылоу Амқанбақәа рдоуҳа аџь-ҵла!
Иухашҭма Мақ-Сабыда? – Дшеицрашәара деицрашәеит
Асҭамыр.
– Абан зегь ҳаилзыргоз ацҳаражәҳәацәагьы ахьаауа! –
иҳәеит Кәаҵиа ашырҳәа дҩагылан.
Ҽыла ахәы иқәланы иааиуан ақыҭа асҭаршын Ҟазахә
даҽаӡәгьы дицны.
– Сыԥсымзар, Ҟазахә ицу иакәхап иахьа Уачамчырантәи
ажәабжь ҿыц аазго ҳәа, ақыҭа милициа Кәыжьы дызҿыз
аиҳабы! – иҳәеит, Ҭемраз, ҿымҭӡакәа дынкахәыцуа дахьтәаз.
– Очамчырантәи иааз ауаҩы Ашацәа ртәарҭа дхалазар,
ҽеик ҳзааигазаргьы иудыруазеи! – иҳәеит Махаз.
– Уара абзиара ззыҟалаша, Махаз! Уи аҽеи азы дхалазар, цәгьара аҵыхәала дхалар амуа џьушьома! Ҳара
ацәгьарақәа усгьы ҳрышьцылахьеит, – иҳәеит даҽаӡәгьы
дахьтәаз.
– Уа, рахә шәзыԥшуп! Есымша абзиа еибышәҳәалааит!
– рҳәан, рҽышькыл акыха рымҭакәа, Ҟазахә иҩызагьы иаргьы ааҽыжәҵит. Заа асасцәа рзы идырхиахьаз аҟәардәқәа
рҿы инеибартәақәеит.
– Уажәшьҭа, ҳтәашьа ҳаԥсышьоуп! – иҳәан, дҩагылеит
Ҟазахә. – Иххь згеит, араион аҟынтәи иаашьҭу, аиҳабыра
рхаҭарнак Гыџь Шьаҵәбагьы Тур ихәы дызхалаз, абыржә
ҳазлацәажәараны иҟоу азҵаара аҵыхәала ауп. Ажәа имоуп Гыџь Шьаҵәба! – иҳәеит Ҟазахә. – Ажәакала, Ашацәа
ртәарҭа агәырӷьаҿҳәаша шәызхаагалеит! – иҳәан, Гыџь
иҽшазыҟаиҵара, иҽазыҟаиҵеит. – Аԥсны ақыҭақәа зегьы рҟны еиԥш, аамҭа ҿыц ицәырнагаз, Асовет жәлар
алашьцара иныҵганы, алашарахь икылызго, ада зҳәазҵам аус бзиаӡа шәышҟагьы ихалеит. Абри амчыбжь
ахи-аҵыхәеи рыла, шәара шәхәаҿы иаартхоит аликбез.
Иахьа ишыжәдыруа еиԥш, зехьынџьара «аҷышәра» здыруа ауааԥсыра маҷуп, еиҳарак зықәра инаҵагылахьоу.
Зегьы збарҭоу, зегь заҳарҭоу ҳкоммунист партиа амчала,
Аԥсны ақыҭақәа зегьы рҿы, иаарласны аҵарадара аҵыхәа
ԥҵәахарц, зегьы аԥхьареи аҩреи рдыруа иҟаларц азакәан
ҿыц аԥырҵеит. Ашколқәа ирҭоу ахәыҷқәа инадыркны,
аиҳабыра классқәа рҟынӡа итәоу рыда, аԥхьан исҳәан
еиԥш, зықәра инаҵагылахьоу, аҩреи аԥхьареи ззымдыруа зегьы аликбез иҭалароуп. Ари хьаҳәа-ԥаҳәа змам,
хыхьынтәи иаауа ус ԥҟоуп. «Аликбез» мҩаԥгахоит мчыбжьык ахь хынтә: ашәахьеи, ахашеи, ахәашеи. Убригьы
аколнхара, анхара-анҵыра иаԥырхагамхо, есыхәылбыҽха.
Имҩаԥысуа аурокқәагьы сааҭк еиҳамкәа, еиҵамкәа.
Ҟазахә излаҳабжьигаз ала, аликбез аҿы рҵаҩыс дҟалоит,
шәара зегьы еицыжәдыруа, ҳаҭыр зқәышәҵо, аҵарагьы
змоу, ауаҩрагьы злоу Платон Кьаласаниа. Ажәлар абзиара шәзыҟалааит. Иааркьаҿны шәлымҳа аҟынӡа иназгаз
аҵыхәала аӡәыр азҵаара умоума? – иҳәан, иҟәбас маҟа
ҟьаҟьа иԥшь-мацәак навҵеиҵеит Гыџь.
– Иахьа, абра ҳхәаҿы, шәыхәҟьа-ԥсҟьаха шәахьҳазхалаз, абра итәоу зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Аус
бзиа, аус лаша иаҳзеиҵышәхаз, Тур ихәаа зегьы ҳнеигымкәа
ҳаҭыр ду ақәаҳҵеит. Шанагӡара Анцәа иуеираӡааит, дад, иахьа ҳхы иҭамкәа, ҳгәы иҭамкәа абри аҩыза агәырӷьаҿҳәаша
жәларык иаҳазхазгалаз! – иҳәан, днатәеит Ҟача!
– Зҵаарак сымоуп, ахылаԥшҩы, уххь згеит! Иуҳәаз зегьы еилаҳкааит. Есымша абзиарақәа рзы умҩахыҵлааит.
Иахьеиԥш, есымшагьы ажәлар аҽеи рызноугалааит. Иукуаиушьҭуа умпыҵаманшәалахааит. Ишысҳәаз еиԥш, иаауҳәаз
зегьы еилыскааит, акызаҵәык ада, – иҳәеит, ак зымҳәаӡо
иҭынчӡа итәаз Ездара.
– Изакәызеи, Ездара, иузеилымкааз усҟангьы? – иҳәеит
Ҟазахә иааигәамԥхаӡакәа.
– Уара ҳәа ахьуасҳәо, аԥсышәаҳәароуп, саҭоумҵан,
Ҟазахә уххь згеит. Ҵаара ԥхашьарам рҳәоит. Абри сызҵаара
бзамыҟә ала агәырҩа шәасыргаанӡа, акыр иқәысҵеит,
иқәысхит, аха алыкьбас захьӡыз сзеилымкааит. Абри
аԥсышәаны, сара исзеилымкаауоу, мамзаргьы иара ажәа,
аԥсышәа хәраба-жьрабоушәа иҟоу? Иалысҳәаара сзымдырит! – иҳәеит, Ездара иҽыргаӡа-ҽырҩысҭааны.
– Уара, Анцәа ииныҳәаша, Ездара, уцо-уаауа, уҟазеиуа,
аӡымлага еиԥш, иахьантәарак утәарҭа узакәшоз, абри
«Аликбез» азы акәызма? Аликбез захьӡу ами иахьак ҳабз
зҿахьоу, убри ами аҵарадара арӡра ҳәа изышьҭоугьы.
Еиҭасҳәахуеит, Ездара, «Аликбез» захьӡу, аҵарадара ауп.
Иааркьаҿны ҳашьцәа рбызшәала иҳәоуп, акәымзар, –
иҳәеит, Ҟазахә игага дацәшәо дахьтәаз.
– Уаргьы ҳазлам уалоуп, Ездара! Уара, аҭахызар
«Калҭиџьаҟәгьы» ахьӡырҵааит, уара иабауԥырхагоу.
Иаҳәоз, иаанагоз закәыз уарымҳәеи, убри уцәа инҭагӡаны,
ашьшьыҳәа умтәо, ашьа ицаша ада иалаургылом акәымзар!
– иҳәеит, Лагәысҭан, зегьы ззеиԥшны, зхырҵәыжә ԥаҵа
шлақәа кыдышьшь аганахьшәа итәаз.
– Сара, ариаҟара уҽырҟәышны ацәажәара уаналага,
ухы уахашшаауаз џьысшьан!.. – ииҳәарц ииҭахыҵәҟьаз
мырзакәа, амҩабжара иаанижьит Хыгә.
– Уара избо, аҽагажә ҳаԥшьа хтыгоутәырц уҭахуп ҳәа
сыҟоуп, угәыбжьажьа-хыбжьажьо уцәажәашьа злаҟоу
ала. Аха, Хыгә, уара ахшыҩ ануҵоз, саргьы аҟәыдкалиа
сыпҟомызт! – иҳәеит Ездарагьы, игәы иҭаҵәҟьаз игәаҵа
инҭашьны.
– Шәаҟәыҵ, баба, ахәа еиҿаԥсара! Ҳара уажәы шәара
гәнхәҵысҭала алдым еимыжәдо аилыргаха ҳамаӡам!
Азҵаара змоу уаҳа аӡәыр шәыҟазар, ҳашәзыӡырҩуеит! –
иҳәан, Ҟазахә ашырҳәа дҩагылеит.
Ҟазахә ибзианы идыруан Ашацәа ртәара иаақәнакааз
зегьы рҟазшьақәеи рҿаԥыци зеиԥшраз. «Ҵангьы-мцынгьы
Тур ихәаа рыц ҳаӷоу дыҵашәааит!» – иҳәон иара Ҟазахә
ихаҭа. Убри азыҳәан, аханатә аахысгьы рмаршәа кны дааиуан. Амаҷ-саҷ азы ихы рылеигаломызт. Ус бааԥсык
аҵыхәалагьы дырҿанагалар иҭахымызт. Ишырҳәо еиԥш,
ихы хәымкәа ахәырбӷьыц ақәиҵомызт. Рыбжьара аҵәгьы
мбылӡакәа, акәацгьы бжьыӡаауа дааиуан. Абыржәыгьы,
рацәак ибыргәымыз аиҿыхара хәыҷқәа ирымжьыжькыр
иҭахымызт. Асасгьы иахьынӡалшоз пату иқәырҵар иҭахын.
«Аҳы, уашьҭа, Анцәа иџьшьаны, аизара ахи-аҵыхәеи
еиқәысҳәалеит!» анааигәахәуаз аамҭазы:
– Дад, Ҟазахә, уххь згеит, зынӡа шәеиласмырхаӡозар,
ахылаԥшҩы ихаҵкы сцеит ишиаҳауа, сымч зкәымхаз аказы сузҵаарц сҭахын исоураӡозар? – иҳәан, даара зықәрахь
инеихьаз Ҭандел дҩагылеит.
– Ажәа умоуп, Ҭандел! – иҳәеит, Ҟазахәгьы имырџьаџьакәа, цәымӷ-цәыбза.
– Абри аҳәынҭқар иҭижьыз аус ҿыц, алықьбас, ҵара
змамкәа зышлара инҭагылаз абыргцәагьы, абжьара уаагьы, зегьы алықьбас иҭалароуп шәҳәеит. Дад, сара зызшьапык адамра иҭагылахьоу, сара сҩызцәа зыҿҳәара анарцә
гәашә илагылахьоу ашлақәеи, «Аҽы анажә қьышьме
адырҵон!» ҳәа, уи алықьбас ҳәа шәызҿу ҳара иабаҳтәу
иабаҳамаҭәагәышьоу! Ҳара ушьҭа ҳашәахә ҳәаны ҳалга
хьеит. Ушьҭа аҿар шәыцәгьа мбакәа ҳзиасыр, убри насыԥуп.
Абжьарак, макьана зыуаҩыбжара агәашә иҭамлац, аҵара
змам ахацәеи аҳәсеи рзы, ԥшӡала, ари ус дуӡӡоуп, ҳәарас
иаҭахузеи! Абри сымч зқәымхаз азҵаара, уара ҟәышк уоуп,
ацаԥха сзазыԥшаа, дад дукәыхшоуп! – иҳәеит Ҭандел.
«Ҳаи, иажәымҭа аӡахәаш ахадырҳәааит! Аҭаҳмада
хыжә-ҿыжәшәа иҟоу, изакәызеи, уара, анахь иҟамкәа, арахь
иҟамкәа, кырҭа-ҳәарҭа узамҭо иааҳалаижьыз!» – абри
игәаҵа инҭеиҳәацәеит, ииҳәо иҿамшәо Ҟазахә дахьгылаз.
Ажәлар аӡы рылымкәо иахьтәаз инеиқәыӡырҩит.
Иашаҵәҟьаны, Ҭандел ииҳәаз гәаныла иацзырӷызуаз, аха
иақәҿызымҭуаз рацәаҩын. «Аус нырхага иан дикәыхшоуп!»
ҳәа ҳара ҳҳаи-ҳҷышьи аарла инеиԥшьуа адунеи ҳақәуп,
дара ҳара цәгьала адгьыл иалҳаӷьӷьааз ҳаура-ҳҳәара
афаха-агаха ҳадраӡом. Амш рзымхакәа, рыцәмаҭәақәа
нцәыҵакшо, уаха мзала ицәаӷәо, илаҵо ауааԥсыра,
уажә рус-рҳәыс ааныжьны, акәарақәа инарҭаҳауа,
есышьыбжьышьҭахь Шьардын иҩны ихалалар акәхеит.
Уажәы, Ҭандели, Мажьыгәи, Кәаџьамани аԥхьареи аҩреи
ддырҵахуеит!.. Уаҳа ҿашәагәыӡа Анцәа ирумҭан, ари Анцәа
дызмам, аҩсҭаа иаамҭа ҳзаазгаз агәыҳәы-цәыҵәақәа.
Уажә иаалаган, шеи-шықәсеи ҳцәеи ҳабаҩи здыӡлахьаз
ықәхны, аҩеи-аӡеи еихаҳаны аамҭа ҿыц, абаҳча «ҿыцқәа»
еиҵарҵоит! Ус, абарҭ иахьа иаҳзаазгьы, иаазышьҭызгьы
ажьӷырла рбааит.
Абри «Алықьбас» ҳәа иабжьыргазгьы, Тур ихәы зегьы трактор цәеихала адгьыл агәы рыӷӷаны, амандарина
еиҭарҳаз акры алҵзар, иахьа иҳазхаргалаз «Алықьбасгьы»
иалҵуеит. Ах, анаџьалбеит, ухәыцыр, ганкахьы, иубо-иуаҳауа
узеилымкаауа, ус, ушиашоу, сызго-сга ҳәа, амзажә еиԥш,
абарҭқәа зегьы уцәа иҭагӡо адунеиажә уқәзар, хыхьгьы
ухьуам, гәыхьгьы ухьуам, Кәрыжәаа урықәлахоит. Аха усгьы, арахә реиԥш ҳаӷоу адәы дықәуп. «Ас ҟоуҵар, уан дысшьуеит! Анс ҟоуҵар, уаб дысшьуеит!» – ҳәа ажәлар ирҳәаз,
баша ирҳәама! Урҭгьы гәаҟрак иақәшәагәышьазар акәхап.
Еиҳау ауаӷеимышхара, анасыԥдара абаҟоу, иубо-иуаҳауа
еилукаауа, иуҳәашагьы-иуушагьы удыруа, аха унапы намӡо,
ушьапы намӡо, уҟоушәа-уҟамшәа, ҩ-мцҳәарҭак рыбжьара уанбжьахалак!» – абас ихәыцуан, абас иршәиуан, абас
икнырҵон ажәлар рлахьынҵа, рира мшы.
– Ҭандел уххьызгеит! Уара уеиԥш акрыздыруа, акры
еилызцо абырг бзиа иуҳәази, ухәыцшьеи уаҭәасымшьеит.
Сара излеилыскааз ала, апартиа иаӡбыз, апартиа
ишьақәнарӷәӷәаз, ажәлар неицҿакны зыбжьы зырҭаз аус
ԥшьа уара уаҿагылошәа иҟалеит. Аамҭа ҿыци, аԥсҭазаара
ҿыци иреигәырӷьо ауааԥсыра урылагыланы, ас еиԥш
аҳәара, хәыҷык иманшәаламшәа збоит! – иҳәеит, Ҟазахә,
«Ала егьзымфаз, ахаҿы шьала ирҭәуа!» – Ҭандел, уара
иуиҭаз азҵаареи, узхашшаази, цаԥха рзыбзиахаӡом. Жәлары
зегьы неиқәгәыӷны, ахаангьы ҿык изеицҭацәажәаӡом.
Жәлары зегьы рхахә ылысхуеит ҳәа уаламган, ажәа
ҭҟьара, хыҭҟьарахар ҟалоит! – иҳәеит Ҟазахә, аҵыхәтәан
иҽааирџьаџьан.
Ажәлар итәаз, Ҭандел игәаанагара, ргәаанагарагәышьан,
аха аӡәгьы алаҿимҭӡеит. Ирҭахы-ирҭахым Ашацәа ртәарҭа
аликбез иҭалар акәхеит. Ажәлар рыԥсы инахырзааны,
иахьатәи аиԥылара аҵыхәала, уаҳа аӡәгьы акгьы анимҳәа,
Ҟазахә ииҭахызгьы уи акәын, каҳада-ԥҽыда аизара ашә
ныҵашьых иаркны, инықәҵны ицеит.
***
Зыҽны аизара ҟарҵаз аҽны инаркны, мчыбжьык
ԥшаласшәа ибжьысит. Аха макьаназы аликбез аҵыхәала,
аӡәгьы акгьы иҳәомызт. Убас ишыҟаз иаалырҟьаны, нырцәаарцә аҳәҳәабжь еиԥш, абригадир ибжьы нықәҩит, уаха
ахәылбыҽха «аликбез» ҟалоит ҳәа. Убысҟан заҵәык
ауп абригадир анҿиҭызгьы. Убри нахыс, мчыбжьык ахь
хынтә асаркьал дасуан. Ауаа русурақәа рҟынтәи икараԥсараха аҩны ианааилак, рыԥсы ааиҭакха рымҭакәа,
аликбез ахь ицон. Иахьеиԥш исгәалашәоит ианцоз, амра
аԥсы шҭаз, алаԥш-ҿаԥшы шрымаз, ҩ-кәарак ирҭысны,
нырцәтәи ахәахьы ихалар акәын. Аха аурокқәа ирылганы,
рыҩныҟақәа рахь ианыгьыжьуаз, азыҳәан ргаз цәашьқәа
рхианы ирыман. Агаз цәашьқәа змаз дубап, еиҩырҿаеихырҿаны ацәацәашьқәа зџьыбақәа ирҭаз дубап. Абарҭ
ацәашьқәа зегьы аркны акәын иӡәашҳәаха, аԥскәара
иҭысны, аарцә ахәахьы рыҩныҟақәа рахь ишхалоз.
Саншьцәа рхәаҿы, сан лаб Шьардын иҩны аҟны акәын
зегьы ахьеизоз. Уаха раԥхьаӡа акәны, аҭаҳмадцәа аххы
инцәыҵакьакьо, ашҭа инҭалеит. Амрагьы еихаӷәышәарак
ианаахықәгылоз, иааишаз зегьы ааины, аԥацха маҵурҭаҿы
иҩнагылаз, заа идырхиахьаз аџьтә столқәа ҩба ирхатәахьан.
Ушьҭа аликбез «адиректор» Платон Кьаласаниа иааира
иазыԥшын. Иара Платон ихаҭагьы архантәи дхалар акәын.
Тур ихәаа ртәы шсызхымгоз, Платон зынӡа Накакачоунтәи,
Ҷаҷал атибнара дылсны, мчыбжьык ахь хынтә Тур ихәы
дхалар акәын.
Платон сара ҽеила сихаанын. Иара ҵаҟа Ахыуаа рҿы
дынхон. Ихәыҷы дыҟамызт, иду дыҟамызт, зыуаҩыбжарахь
инеихьаз, ахаҵа тәахьа ззырҳәоз иакәын. Аха аҭаацәара даланамгалацызт. Иаргьы дыжәлазаҵәшәа дыҟан. «Анцәа акы
змихыз, ак ииҭоит!» – шырҳәо еиԥш, абри ауаҩ ҭаацәарала
днасыԥданы дҟазҵаз, Анцәа ԥсабарала абаҩхатәра ду
иаҭәеишьан дыҟан. Платон илахь неиқәҵаны, дынкахәыцуа
уаҩы димбацызт. Егьарааны дубаргьы, иччеи, ихәмари,
исамарҟәыли еихсыӷьуамызт. Уи иааиаҭәоумшьартә ҵара
хәыҷыкгьы иман. Ажәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа дырзааигәан,
аиумори асатиреи злыжжуаз ажәеинраала кьаҿқәа иҩуан.
Убри, насыԥс Анцәа зегьы иримҭаз иԥсабаратә баҩхатәрала,
ҟазшьак иаламҩашьоз иҟазшьеи иуаҩышьеи рыла зегьы
деицырдыруан, ҳаҭыргьы иқәырҵон.
Ҩажәак еихысҳәаалоит, ҽнак, аколнхацәа шьыбжьонҳәа
аԥсшьаразы, ахьаца
ашәшьыраҿы
рҽахьааҵаркыз,
ианынаԥш, нада-аада дхыԥшаало, Ҷиҷу захьӡыз колнхаҩы
ҭаҟьа-ҭаск дшааиуаз рбеит.
– Платон, ҳуҳәоит, абни иааиуа, Хҭырԥажә-иԥа Ҷиҷу акы
ҳзихуҳәаарц!– Платон инаилаҳәаҵеит. Платонгьы ахахә
ылхра иҭахӡамызт. Аӡәы акы абаихысҳәаари ҳәа дыԥшын.
Уажәы, абас ҩыџьа-хҩы неиқәгыланы ианиҳәа, иаргьы
ииҭахыз уи акәын, иааиуаз Ҷиҷу дкылкааны днаихәаԥшын,
иарӷьа напы ҩышьҭихын, –
«О, Ҷиҷу слашарбага,
Тәарҭак имоуп иҽырбага!» – иҳәеит имырхьааӡакәа, ибжьы неиҵых-ныҵакшәа. Итәаз ҳәсеи-хацәеи рӷәаӷә ҷалеит
ишыччоз. Аха иара имашәырнгьы ччаԥшьк ацәаарагьы
неиҿамшәеит. Абри аамҭазы, ашҭа аҵыхәахь агәашә абжьы
геит, инақәырццакны,
«О, баланда, Мықә баланда,
Иумфаӡозаргьы ма иубаланда!» ҳәа Платон ибжьы ашҭа
инықәҩит: «Аа, Платон даауеит, Платон даауеит!» – рҳәеит
ибжьы заҳаз зегьы неицҿакны.
– Уа мшыбзиақәа, рахә шәзыԥшуп! Зымаа шәкыз алԥхаагәыԥха Анцәа ишәиҭааит, Ашацәа ртәарҭаа, – днарылагылеит Платон.
Платон иахьеи-иаци дырбазма! Ирбац-ираҳац иакәын.
Аԥсшәа карҵәаны инаиарҳәан, дасу ртәарҭақәа рҿы
инатәеит. «Зошит» ҳәа изныз ртетрадқәеи, дара рҳәашьа,
ркаландашьқәеи нарымҵарҵеит. Платон данаауаз иҩыҵ
ракны иааигаз, аҭуан ҵҟьага афанера хҵәаха наганы, аҭӡамц
инадиргылеит. Аԥшхәынҵә асахьа змаз, мацәкьыск иаҟараз
мел хҵәахак наганы, убри афанера инавеиҵеит…
Абас аликбез иҭалеит Тур ихәаа. Шықәсы наҟьак ажәлар
гәаҟуан. Платон ииҳәоз заҳауаз ыҟан, аха адагәагьы
дыҟан, ахамбагьы дыҟан. Арҵаҩы ииҳәоз ззеилымкаауаз
рацәаҩхеит. Ацәмаа акрада ҷышә ззымдыруаз ауаа, аҵара
дҳарҵоит ҳәа иалагеит. Платон дызҿыз ишхәыҷы хәмаргаз
ибон. Аха «акы уҳәар, уан дысшьуеит, иумҳәар, уаб дысшьуеит!» – ҳәа идгылан, аҟынтә, аҵәгьы мбылӡакәа, акәацгьы
ҟаԥшьӡа иӡыр иҭахын. Дызҿыз иус ирымжьыжькырц
дашьҭан. Ахәылбыҽха ифанера нкыдҵаны, ҩ-нбанк наганы
афанера инаниҵеит.
– Абри «А» ахьӡуп, абри «Л» ахьӡуп! Ишырыҩуагьы абас
ауп! – иҳәеит Платон, еихҳәа-еиҵҳәа афанера ианиҵаз анбан дуқәа инацәа нарықәикын.
– Ирыхьӡузеи зуҳәа? – иҳәан, илымҳа инапы надикылеит, аҵыхәтәаншәа итәаз, зуаҩыбжара агәашә инҭысхьаз,
Гьадлач захьӡыз ҭаҳмадак.
– Абри «А» ахьӡуп, абри «Л» ахьӡуп! – иҳәан, аҩнбанкгьы инацәа еиҭанарықәикит Платон.
– Сыла насыԥдагьы иабо џьушьоума! – иҳәан, изблак
имаҿа наԥыреикын, егьи иблала афанерахь аԥшра далагеит. Платон анбанқәа зныз афанера аакыдихын, иааганы
Гьадлач иаԥхьа инаиргылеит.
– Ушьҭа иубома анбанқәа, Гьадлач? – иҳәеит Платон,
афанера Гьадлач иблақәа инархикылан.
– Ишԥоуҳәеи? – дҵааит Гьадлач.
– Абра ианысҵаз анбанқәа ушьҭа иубома? – ибжьы
неиҵыхны Гьадлач илымҳа дынҭаҟааит, Платон.
– Аа, ушьҭа избоит, дад, дукәыхшоуп, аха ари уӷәыцәма
ҟьа аҭӡы икыдыхны, Кәыч илаԥса еиԥш, есымша иуманы
амҩа уқәума? Ара сара сыдагьы ауаа тәоуп, – Ҳаи, ҳламбаҿамбаха, иаҳтәым-иҳамаам аус азы абас ҳзыргәаҟуа,
гәаҟра-ҵәаҟра Анцәа ду ишәыгимырхааит!– иҳәан, аҭуан
днаҵаԥшит Гьадлач.
– Уаргьы лбӷьыла уҵәуеит, Гьадлач аџьоубеит. Уара, ма
иааигәаны анбанқәа убла ихикылар, акы умбои! Арҵәааҳәа
улымҳа дҭаҟаар, ӷәи-ҵи быжьқәак умаҳауеи! Сара соуп, зыблагьы иамбо, злымҳагьы иамаҳауа, амзажә еиԥш инхаз
акәымзар. Ҳаи, уажәымҭа бзиахааит, Кәарсантел! Снапы
кны ари аԥскәара сҭугеит. Уахагьы, аҩныҟа, сзыԥсу рахь
сугап. Аха есыуаха сара сқәырх-қәыраҵо, снапы санкны
аԥскәара уҭоума! Сашәа аԥсымҩа ылыркааит, урҭ азхарамфа иԥацәа!– иҳәан, даагәырҟәҟәеит Хәыча.
– Шәаагыл, уара, иҟалаша ҟалаанӡа аҳәҳәабжь
шәмырган. Ари иаахәыҵҟьаз амцабз иаҩызоуп! Иаразнак инеиқәычхьыпуеит. Мчыбжьык-ҩымчыбжьа роуп, нас
Платон ианбанқәа ҵаны ҳаналгалак, уаҳа ҵатәгьы ҳауам,
ԥхьатәгьы ҳауам ҳнапқәа еинҟьаны,
«Таш-хош, таш-хош,
Иди ко мне, если хош!» ҳәа, Платон иркәашага ашәа
ҳацкәашалап! – иҳәеит, аказы зылахь еиқәызымҵацыз
Мырза.
– Мырза, уара насыԥ змоу уреиӷьуп! – иҳәеит, Лашә
дыцәгьахәыцуа дахьтәаз.
– Изхуҳәааи, Лашә! – дҵааит Мырза иҽаргәыҩ-ҿыҩшәа.
– Абри уара уеиԥш сымхәыцӡакәа акрысфозар, мызкы
ахи-аҵыхәеи ала сышьҭахь анаара узавымсуа сыԥсылахон!
– иҳәеит, Лашә.
– Ишԥа, уара, акры ануфогьы ухәыцуама? – иҳәан, зегьы изеиԥшны аҟыр-ҟырҳәа, игәарԥхаӡаҵәҟьаны дааччеит
Мырза.
– Шәеизыгәдуны шәеицәажәоит, шәгәалаҟара Анцәа
ари нахысгьы ибзиаитәааит! Ушьҭа ҳаиасып аҳәынҭқар
иҳадиҵаз аус ахь. Иааигәаны ихәыцуа шьоукы, абри напы
злаҳкыз аус ду ӡҭахысроуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ус еиԥш
азхәыцра иашаӡам. Ҳаӷоу иԥсҭазаараҿы дҿаҳахааит.
Уцәгьа зҳәо ииҳәо узеилымкаауа, унапыҵәҟьа узанымҵо
инхаз ауаҩы, дуаҩыбжоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Уи аҵкыс, алдым нимымдакәа, ҳаазышьҭызгьы пату рықәаҳҵап, ҳахгьы
пату ақәаҳҵап. Иахьа дҵас иҳамоуп ҩ-нбанк рҵара.
Ушьҭантәи ҳаиԥылараҿы, дасу ииҵаз шиҵаз, абри ажурнал
аҿы ахәшьарақәа ықәсыргылоит…
Платон иажәа анагӡаха имҭакәа:
– Саргьы хәылҟьа-ҿылҟьақәак саҳаит, аха аҵареи амцреи ахьынӡаҟоу сыздырам умҳәозар! – иҳәеит Мырза.
–Изакәхарызеишь, анаџьалбеит, аӡәгьы саҟалажәак
имаҳаӡакәа, абри уара лымкаала, хәыҭ-хәыҭла улымҳа
иҭарҳәацәаз! – иҳәеит Лашә.
– Иара ҳарҵаҩгьы иаартыҵәҟьаны аҳәара изым
гәаӷьуазаргьы, лымҳаҭасқәак имоукәа ҟаларым! – Мырза
дынцәыҵыԥшны Платон иблақәа днархикылеит.
– Изакәызеи сара зҳәара сзымгәыӷьыртә еиԥш, издыруа
амаӡа, Мырза? Егьзымфаз ала ахаҿы шьала изурҭәуазеи,
ухәыҷымкәа-уҳасымкәа? – агәаара ззымдырӡоз Платон
ихы игәҩароума уҳәартә днеицрашәеит.
–Сеидроу, Платон илақьбас изалымгаз, аԥхьареи аҩреи
ззымҵаз зегьы рыдгьылқәа рҵыхәақәа ҿахырҵәҵәоит!
– рҳәоит. Уаргьы абри аҵыхәала лымҳаҭаск умоуцкәа
ҟаларым сгәахәит ауп, акәымзар, уеизгьы-уеизгьы уаргьы иуаҳаит ҳәа саауҿагылахуа! – иҳәеит Мырза, иҵыхәа
наишьҭарҽыланы.
– Аӡәыр иадгьыл хырҵәозар, уара утәы хырҵәоит, Мырза! – иҳәеит, Лашә дахьтәаз даалҟьан.
–Избан, уара, сара иаҳа стәымааӡароума, мамзаргьы
сара сыхҵысҭа еиҳа илаҟәуп, зегьы арыӷьалагьы, арымалагьы ахыҵра рылшоит, ҳәа угәы иаанагоу? – иҳәеит Мырза
дгәааҵәҟьаны.
– Ухҵысҭа ԥшӡала ухҭасцәа хыҵлааит, ахыҵра мариоуп, илаҟәуп ҳәа аӡәгьы иуеимҳәеит. Амала, иахьа абра уааины астол уахатәеижьҭеи, Кәаџьаман «А»-гьы иҵахьеит,
«Л»-гьы иҵахьеит, итетрадгьы ианиҵахьеит. Уара макьана
атетрад анҵара акәым, зынӡагьы иааумыртӡац. Анбанқәа
аашьаҩ дырбар, аҵыгьра иалагоит, Мырза! – иҳәеит Лашә
дахыхәмаршәа, зынӡа иҽырҭынч-ҽырхықәымҵа.
Платон арҭ реимак зынӡа атлара еиԥш иамацоушәа аниба, иауауеи, ауаа ага-магақәа иахьакәӡам ахь ҳкылыргоит
убооу! – иҳәан:
– Иҟоу жәдыруама, аҷкәынцәа! – ибжьы ачча фҩы
налиршәшәеит. – Абра ҳаатәеижьҭеи сааҭ наҟьак инхы
қәыххыларц егьагӡам. Ушьҭа, ҳамҭак ҳаԥсы неиҭакны,
рччагақәак неимаадаргьы цәгьамызт! – иҳәеит, Платон.
– Ааи, уқәақәра згааит, Платон. Ҳуҳәоит, иҟалозар, абри
Гьытла изыҳәан иуҳәақәоз, еиҭа ҳзеиҭоуҳәарц! – иҳәеит,
астол аҵыхәахь итәаз Кәышә.
– Уҿы есымша хаара-бзаара агымхааит, абзиа аҳәа
лааит, Кәышә! Зегь ҳақәшаҳаҭуп! – инеицырҳәеит итәаз.
– Ус акәзар, ажәлар абжьы сырҭазар, саргьы сыбжьы
сеигӡом. Цқьа шәӡырҩла, Таш-хошраа! – иҳәан, дналагеит,
Платон:
– Гитлер, Гебельс, Риббеинтроп,
Ассир иақәшәаз абарҭ роуп.
Гитлер гәымха, ахы мҟәыба,
Изырчаԥеит алтә кәыба! – иҳәан, инапқәа неинҟьаҩеинҟьо, дааҭаҟьаҭасит Платон. Ари Платон иажәеинраала
изаҳахьазгьы-измаҳацызгьы ишыччоз ркьатеиах ԥнаҵәеит.
– Уаҳа, Платон, уаҳа? – зегьы еиҭа неиқәыӷызит.
– Гитлер ԥшрацәгьа, алашәкәыт,
Ихы ианырҟьеит аклакәыт! – иҳәан Платон, ихы-игәы
ақәбзиахан, иара ихаҭагьы дааԥышәырччеит
– Гитлер, алтә кәыба изыҟарҵахьоума, Платон? – иҵыхәа
шьҭакшо дҵааит Мырза.
– Гитлер алтә кәыба иоуандаз, иабду Иоҳанн Ԥсхәы
иҭахымызт! – иҳәеит Платон, Иоҳанни иареи аханатә аахысгьы ргәы ԥибаҵәахьазшәа. – Ушьҭа ҳанбанқәа рахь

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Ашацәа ртәарҭа - 12
- Büleklär
- Ашацәа ртәарҭа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3232Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3273Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3329Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3315Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21830.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3314Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3290Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22320.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3276Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3313Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3325Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3283Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3269Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3300Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3307Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3134Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3249Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3223Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3199Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3275Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3202Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21990.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3231Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3271Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3263Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3268Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3269Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2599Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.