LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Ашацәа ртәарҭа - 10
Süzlärneñ gomumi sanı 3325
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2209
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ҩашьоз Ҵыс ӷрак! Абри Аҵыс ӷра убриаҟара иԥшӡан, адунеи иаақәыршаз, иара иацназгоз ҵыск узыԥшаауамызт.
Аҵыс ӷра ажәҩан иалан, аҳауа иалан, иԥшаауан, иаҭахын
иацынхашаз, иацынҵышаз, иара иагәаԥхоз ҵыс ԥшӡак,
ҵыс еиҭаҳәатәык. Амшқәа цон, аӡынра қәасуан-иӡысуан,
ааԥынра гәылҵуан, ашәҭқәа каԥсон. Аҵыс ӷра гьежьуан, ихынҳәуан, дгьыли-жәҩани ирыбжьан, иԥшаауан. Аха
иара иаҭәаз, иара иашьашәалаз, иагәаԥхоз, хатә ԥҳәысыс
ишьҭнахшаз аӡәгьы дазыԥшаауамыт. Иааҟәымҵӡакәа аҵ161
ыс ашәа аҳәон, иҷырҷыруан, иҷырҷыруан, убри алагьы
агәырҩа ахнагон.
Аҵыс ишыҟанаҵалацыз еиԥш, мшы ссирк аҽны,
шәаҳәарала амш ҿыц иаԥылеит! Агәалаҟара, гәалаҟарак
еиԥшымызт! Аҩада ашьха ԥшӡақәеи, ахәы ԥшӡақәеи,
абарҭ рныс узҳәомызт, зехьынџьара лакә сахьан илыркаауаз. Алада, ихьы разнышха амшын ацәқәырԥақәа
агаҿа иаҿаԥсон. Аԥшалас кашьшьы, ашәаԥыџьаԥ рыкәармаӷра иҭахәмаруан. Ашьыжьтәи амра ашәахәа ашьацра
илаҳәҳәуан. Зехьынџьара хаҳә-ҭынчра иҭынчран. Аҵысӷра заҵәык иааҟәымҵӡакәа ишышәаҳәоз мацара, амшын
агаҿа иахагьыжьуан. Аҵыс ӷра гьыжьуан-ихынҳәуан, аха
иара насыԥс иазшаз, ҵыск аԥыломызт. Ицон ажәҩан ахь,
илбаауан адгьыл ахь. Абас мацара Аҵыс ӷра шышаҟьоз,
ҽнак, ианынаԥш, ҵаҟа амшын аҿы шәиаҟ ԥсыӡк агәышҵа
харшәшәало, еикәаҵәи – еикәахынҳәуа, амшын иалҵәраан,
ҩаԥхьа амшын иналашәкәо ишыхәмаруаз абеит. Адунеи
акы згәамԥхоз Аҵыс ӷра ахы ахашҭит! Аҵыс ӷра бзиа иабеит, амшын иаларшәыз Ашәиаҟ ԥсыӡ хәыҷ. Аҵыс ӷра зынӡа
аҽыларҟәӡаны, Ашәиаҟ ԥсыӡ еикәаҵәиуа амшын иахьхыз
аҽазааигәанатәит. Ашәа аҳәон Аҵыс ӷра иааҟәымҵӡакәа…
Амшын аҟынтәи, Ашәиаҟ ԥсыӡгьы иабеит, амшын
иаҿаԥыруа ашәа зҳәоз алакә Ҵыс ӷра! Ашәиаҟ ԥсыӡ аԥсы
налашәкәеит, ахаан иамаҳацыз ашәа зҳәоз Аҵыс-ӷра.
Ашәиаҟ ԥсыӡ ахы иҭамкәа, агәы иҭамкәа, хгашьа амамкәа,
Аҵыс ӷра бзиа иабеит.
Амшын изаламгылаз Ашәиаҟ ԥсыӡ, иааскьаӡаны, ацә
қәырԥақәа аҽрылакны зынӡа амшын аҿықә аҟынӡа
иааӡеит. Аҵыс-ӷрагьы ашәа шаҳәоз мацара, аԥсыӡ
иазааигәаӡаны, ашьапқәа амшын аӷӷара, шьамхышәаранӡа
инӡаагылеит. Аха Аҵыс-ӷра аӡы иҭалар, аӡы иашьуан.
Ашәиаҟ ԥсыӡ аӡы иҭыҵыр ихәаҽуан. Ԥсыӡак ауп аҵыси
аԥсыӡи ирыбжьахаз. Ԥсыӡак ауп ҩ-бзиабарак рынасыԥ
аҟәара-ҩа илазыршәыз. Аҵыс ӷра аӡы изҭамлеит. Ашәиаҟ
ԥсыӡ аӡы изҭымҵит. Ус еидтәалан нырцә-аарцә. Амшқәа
еихала-еихыҵуан, аҵхқәа еихала-еихыҵуан. Нырцә-аарцә
илаӷырӡырқәақәо еидтәалан Ашәиаҟ ԥсыӡи Аҵыс ӷреи.
Урҭ рыбзиабара иеԥызшьышаз аӡәгьы дырмоуит. Аҵысӷра аӡы изҭамлеит, Ашәиаҟ ԥсыӡ аӡы изҭымҵит. Аҵысӷрагьы агәаҟашәа шаҳәоз, Ашәиаҟ ԥсыӡ ауазашәа шаҳәоз,
аҽнышьыбжьон инеидыԥсылеит! – лҳәан, сан ари ажәабжь
хәыҷы аахлыркәшеит.– Дад, ауаҩытәыҩса, ҳазшаз х-насыԥк лахьынҵас
иаҭәеишьеит. Даниуа, аҭаацәа даналанагало, идунеи
аниԥсахуа. Ацәгьеи абзиеи аханатә аахысгьы рышьхәа
еивҵоуп. Аха сабду ԥсаҭа бзиа иҳәалон еиԥш, «Џьабара
қамса ҟамлаӡац!» са саашәыкәыхшоуп, уаха абра бзиара аҵыхәала еиднагалаз ауацәа, аҭынхацәа! – иҳәан,
Ҟача аханатә аахыс ишиҟазшьаз еиԥш иажәа хыркқәа
инарыциҵеит. – Уаҵәуха ачара змоу Ҭамшьыгә Џьакьба,
ҳалалреи қьиареи игымкәа, иԥсҭазаараҿы акыр дшьацәх
ныслақәахьеит. Аха Анцәа иузишаз алахьынҵа лахьынҵоуп,
угага узахыԥаӡом. «Бзиа нагӡа шыҟам еиԥш, цәгьа нагӡагь
ҟалаӡом!» «Аҵәуабжь ахьгаз, аччабжьгьы гароуп!» – ус
ҳазшаз лахьынҵас ауаатәыҩса ириҭеит. Иахьа, Ҭамшьыгә
Анцәа ҳазшаз дизыхашеит! Иҷкәын заҵәы Едыгьа аҭаацәа
ҿыц даланагалеит. Ихәҩы-ԥацәа ҟалааит, ихәҩы-ԥҳацәа
ҟалааит!
Ҭамшьыгә, абри итәоу зегьы абзиаразгьы ацәгьаразгьы,
иӷәӷәаны ихарҭақәа ҳадуп. Аԥхьан исҳәан еиԥш, амыткәма
абжьы ахьгахьоу Ҭамшьыгә иашҭаҿы, аччабжьгьы геит.
Иразреи, иуаҩреи, ицқьареи, аҵыхәтәан Анцәа ихьигӡеит.
Ацәгьара аҵыхәа шмыӡуа еиԥш, абзиара аҵыхәагьы
ыӡӡом, шәхаҵкы сцеит! Сара рацәак ажәарҟазара салагом. Ҭамшьыгә Џьакьба дызлашәзымдыруа, иҿыцу егьшәасҳәаӡом.
Ари абжьарак, абзиаразы шәхы аџьыка ықәышәххьеит.
Ари нахысгьы, ачара ахьыӡгьы ахьымӡӷгьы шәара ишәыдуп.
Дасу ҳзыдгылоу аус аҿы, аԥшәма ҳхы еиӷьаҳшьарым! –
иҳәан, днатәеит Ҟача.
– Ацҳаражәҳәаҩ дхәым-дшьым, рҳәоит. Саргьы абри аҩнаҭа дала-шьала иалахәу, иазааигәоу среиуоуп,
шәыххь згеит. Ҟача ииҳәаз ижәбаз ауп, ишәаҳаз ауп. Сара
сышьҭрақәлом, иахьа уажәраанӡа ҳацәгьарақәа рҿы
аџьабаа жәбон, ҳгәаҟра шәалатәан-шәалагылан. Абра
уаха Ҟача ишиҳәаз еиԥш, абри ҳчара хәыҷы ахьыӡгьы
ахьымӡӷгьы, аҩгьы-акәаргьы иадгылоу шәара шәоуп,
шәхаҵкы сцеит! Ҳаргьы макьана ҳажәла заҵәызаргьы,
ҳажәла еицакым. Шәчарақәа рҿы ацкы амаҵ ауыха Анцәа
иҳаираӡааит! – иҳәан, ивараҿы игылаз аҟәардә иҽнықәи
кит Дыдын.
Аамҭацқәак иааҭынчрахеит. Аҵыхәтәан, Ҭамшьыгә дҩа
гылан илабашьа неиԥышьҵаргәаны абас ҿааиҭит:
– Бзабаҩысгьы ԥсҵәыуаҩысгьы ҳәа сзықәгәыӷуа,
сыцәгьеи, сыбзиеи, сымаӡеи зҵасымкуа, сашьцәа саа
шәыкәыхшеит! Сара аханатә аахысгьы аԥсра насыԥда
сқәашьгәышьоуп. Заҟа сыччахьоу аҟара сҵәыуахьеит.
Ибжьыдоу-ишьҭадоу ахаҵа игәырҩа сымшқәа ирыцуп,
сыҵхқәа ирыцуп. Аха «ауаҩыдараз амба шьаҟа гәы
дызкылаз!» ҳәа смацараха, сгәырҩеи, схәыцра еиқәа
рақәеи сырзыншәмыжьит, дад, сыуаажәлар. Шәсыцгәыр
ҩеит, шәсыцџьабеит. Еиҳа амахә-ҩа санықәгылаз: «Ааит,
абааԥс, аӷа игәырԥса ҳәагьы акы ыҟоуп!» – шәҳәан,
шәыжәҩахыр сыҵшәымхит. Ауаҩы дыԥҵәазар деиԥызшьуаз
ҳабдуцәа рхацламҳәа, ражәа ҟәышқәа сара сзыҳәан имыл
ҳамхеит, иԥсуаҭлахеит, ԥсеиқәырхагахеит. Убырҭ зегьы
сара сынарцә гәашә иҭазгалоит. Убри жәдыруазар сҭахуп,
сашьцәа! Суазыри суасиаҭи шәхьымыгӡакәа сиасыр ҳәа
сшәон. Аха иахьа агәра згеит, ауаҩытәыҩса ихамҭазы, ауаҩ
ида хәарҭа-хәаԥшь шимам. Ауаҩ иоуп, дадраа, ауаҩы дыз164
шьуа, дагьаазрыхуа. Иахьа уажәраанӡа, ацәгьараз агәырҩа
шәасыргон. Иахьа дырҩагь, шәынасыԥи, шәҳақи, шәдоуҳаи
срыҵаркын, Анцәа ду дысзыхашеит. Лахьы цәгьала смиасырц ҳазшаз исзиҳәахьазаарын.
Иахьа сара шәара сшәықәгәыӷуеит. Абри Анцәа исеи
раӡаз счара хәыҷы, «ихагамкәа иԥагьамкәа!» изымҩа
ԥысыр, шәара шәоуп изыбзоуроу. Еиҭасҳәахуеит, иудыруазеи шәынасыԥ саҵанакны «Сыҟәџьал шбылгьо ахҩа
ахашәаргьы!». Сгәыӷуеит абарҭ зегьы шәымчала, знык
сыԥсҭазаараҿ жәҩангәашә сзаатып ҳәа. Ажәа мыцхәы
шасыршьуам, сара сышәхьымӡаргьы, аџьабаа здыжәбало
сҵеи заҵә ашәаха иаӡааит, абзиараз дшәыхьӡааит! – иажәа
ааркьаҿӡаны иаахиркәшеит Ҭамшьыгә.
Арбаӷь аҵх агәы еиҩнаххьан. Жәҩангәы иҵаҽҽоз асар
рымҩа агеи-ашьхеи рхы еиқәнаҳәалон!..
***
– Ҳжәытә қьабзи, ҳжәытә ҟазшьеи, ҳжәытә ламыси, ҳҵа
си ашәышықәсқәа иахьанӡа еихаҳа-еиҵаҳаны абиԥара
қәа иаарго, аринахысгьы Анцәа еицоумкын. Аамҭақәак
игәыгәҭажьыз ҳжәытә қьабзқәа еиҭахындырҳәит, инахараны ҳҭоурыхи ҳаԥсуареи иазхәыцуаз ҳаҷкәынцәа, анагӡара
Анцәа ишәаҭәеишьааит, баба! – иҳәан, дааныҳәа-ныԥхьеит,
злабашьа кны ажәытә еиҳәа иахагылаз, акыр зықәра инахахьаз Басиаҭ.
– Сара аханатә аахысгьы зқьы ааӡаны, шәкы абна
илазҵоз рыхшыҩ аҟынӡа сзынаӡомызт, аха ашьха сганы,
аӡыхь смыржәӡакәагьы саарымгацызт. Изхысҳәааз, ажәа
хатәра, ажәа ҟәыш уҳәеит, аха иуҳәаз зхыуҳәаауаз сзеилымкааит. Басиаҭ, уххьа згеит! – иҳәеит Уарҭан гәыкала.
– Аа, абар, изхысҳәааз сахьахагылоу, Уарҭан, дад! –
иҳәан, Басиаҭ илабашьа аԥынҵа, ажәытә иаҳәа жәижәых
ахьгылаз инақәикит.
Изакәхарызеишь, уеизгьы-уеизгьы, абриаҟара зхыр
ҳәаауа аиаҳәа иҭоу рҳәан, иара Уарҭан раԥхьа днагылан, ҩыџьаҟа, Басиаҭ дызхагылаз аиаҳәа инадгылеит.
Инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшит. Аиаҳәа азна ԥшхәынҵә лыԥшаах
ла ирҭәны игылан. Аӡәы акы аҳәаха иамраӡакәа:
– Абри ижәбо ажәытәӡа аахыс, аԥсуа чара аҭацаагара
иацу қьабзуп, бабараа! – иҳәеит Басиаҭ. – Абарҭ аԥш
хәынҵәқәа, аиаҳәаҿ агаз иӡаауижьҭеи мчыбжьы наҟьак
ҵуеит. Абри уажәы сара сызлацәажәо ақьабз ара еилагылоу зегьы рзы иҿыцӡам. Иахаану, избахьоу, изаҳахьоугьы
ыҟоуп. Аха изымбацгьы иахаанымгьы еиҳагьы еиҳауп.
Иахьа ҳчараҿы абри ҳжәытә қьабз ԥшӡа хынзырҳәыз,
шәаҳәареи, кәашареи, чарауреи шәырхыбаамзааит, дад!–
иҳәан, Басиаҭ уаҳа ацымҵакәа, аҭацаагара зҽазыҟазҵоз
аҭацаагацәа рышҟа иҿынеихеит.
Аҭацаагацәа агәгәаҳәа агәашә ианҭыҵуаз, амра нхықәгылахьан. Макьана шцәыкьоу узырдыруаз, абна илыхәхәа
иааҩуан Амышзырҳага абжьы!..
***
Аҭацаагацәа аҭаца дрыманы ихынҳәаанӡа, аҭацаагацәа
злацази, излаауази, наҟ-ааҟ амҩа ахықәқәа рҿы аҵәқәа
рарсразы зҽазыҟаҵаны игылаз аҷкәынцәа нападыркит.
Ашҭа агәашә аҭаларҭа инаркны, шә-ҽышьахәарк инархараны, наҟ-ааҟ амҩа ахықәаҿ аҵәқәа адырсит. Иадырсыз
арасатә ҷынқәа аки-аки рыбжьара, жәаба-жәаба ҽышьа
хәар рыбжьарҵеит. Аҵәқәа арсны ианалга, мчыбжьы-на
ҟьак иӡлачны агаз иӡааз аԥшхәынҵәқәа аиаҳәа иааҭыр
хын, аҵәқәа инахарҵо, заа иадырсхьаз арасатә ҷынқәа
зегьы акака ԥшхәынҵә рхарҵеит. Ушьҭа амца нарыцрарсрада ус амамкәа идырхиеит..
Уажәы-уашьҭан иазыԥшын аҭацаагацәа рашәабжь. Аарла мраҭашәара агалуан иалубаауан, макьана мраҭашәара
иаламбацыз ахәылԥазтәи ашәаԥшь. Абар, абар, алашьцара
адунеи амҽханакырц шәымҭақәак ракәын иагыз.
Ушьҭақәа реиԥш, усҟан ҽынла ачара руӡомызт. «Аҵхи
ачареи Анцәа еизишеит! Ачара аҵх иарԥшӡоит! Убри азоуп
Анцәа аҵхи ачареи зеизишаз!» – рҳәон ҳабдуцәа.
«Уахынлатәи ачара амышьҭа бзиоуп! Уахынлоуп ашла
иҿаҳәатәи, иныҳәаԥхьыӡи аныҟало. Алаԥш цәгьеи, аҿаԥшы
цәгьеи, адгьыл ршеижьҭеигьы алашьцара ӷарҭахәыс ирыман. Алашьцараҿы амышьҭеи алаԥши есымша имчыдоуп!»
– иҳәеит Леиуа, аҭаҳмадцәа итәаны иахьцәажәоз.
Абри аамҭазы, аӡхыҵреиԥш инхышхыҵәаз алашьцара
агәы акараҳәа иааиҩнаршәеит аҭацаагара ашәа. Иааҩуан
уи аухатәи аҵх аԥсы ахазҵоз, анасыԥи алахьынҵеи,
раԥхьатәи абзиабареи ргәырӷьаҿҳәаша аазыцҳауаз уахын
латәи аԥсуа ҭацаагара ашәа.
Уи акәхеит! Иазыҟаҵаны иҟаз арԥарцәа, ахьышәҭсышәҭҳәа иҩаҵибарҟьан, арасатә ҷынқәа ирхарсыз аԥш
хәынҵәқәа, амца нарыцрарсуа, рҿаархеит. Алеи-ԥси рыбжьара аҵх лашьца иалашәҭит алакә лашарақәа ррыԥхра.
Аҭацаагара ашәа еиҳа-еиҳа еицралон. Илаша-лашон
насыԥла злахьынҵа хыхәхәоз ахьатә кәасқьа. Аԥсҭазаара
ҿыц ииуан уаха Ҭамшьыгә иашҭаҿы. Аразреи ацқьареи
рцәашьы иаҵәақәа хха-ххон…
Абри сымҳәацкәа, аҵх лашә иналԥрааз алакә рашь
еиԥш, акиҳәа иҽыхәа иаҵәа днаҵаҟьан, дыӡса-ӡсо еҵәыш
шәахәацшәа ашҭа дааҭаххит, мышьҭа бзиала агәараҭа
иҭазгалаз раԥхьатәи агәырӷьаҿҳәаша!
«Раԥхьатәи агәырӷьаҿҳәаша, раԥхьатәи анасыԥ!» – ҳәа
ибжьы ааҭицан, зҽыбӷа зҽаласаны иааиуаз арԥыс, дышиашаз амардуан днаҿаххит. Уи акәхеит. Аҽыхәа иаҵәа
қәарқәашьеиуа акәасқьа абарҵа иаақәыххит. Амшраз,
аҵыхраз раԥхьатәи анасыԥ хазгалаз арԥыс, алеи-ԥси
рыбжьара, иҽыхәда дныҵаххит алакә ҭыԥҳа лсахьа ылызкаауаз ԥҳәызба ӡӡарак. Аҟада сыга иаҿагылаз абарфын
маҟаҿаҳәеи, ашыц сырҭы иаҿылсааз ашьамхы мпахьшьи,
наганы иҽы ахәда инахалҵеит!
– …Иахьа зҵыхәала ҳамҩахыҵыз, Едыгьа ихәҩы-ԥацәеи
ихәҩы-ԥҳацәеи Анцәа лахьынҵас иаҭәеишьааит. Ихшазаҵә
ила иажәымҭа шкәакәахааит Алҭар Ҭамшьыгә! – иҳәан, аб
тәыҩа ааҭыркәкәааны, уаҳагьы ихнымырҳәӡакәа, иҽыхәда
инықәкны, аҽы ишьхәа анаирба, еиҵас иԥан, ахьуҳәа ҵаҟа
инкаԥеит. Аҭацаагацәагьы, иԥсҭаҵагаха аҭацаагарашәа ҳәо
иаабжьалеит, шә-ҽышьахәарк инеиҵыхыз, наҟ-ааҟ аҵх
рыԥхуа изырлашоз алакә цәашьы иаҵәақәа ргәарабжьара.
Ҩыџьа арԥарцәа ркәымжә ӡырӡқәа рыҵаҽырбо, ҩ-ҟама
хәышк дрыҵыргеит аҭаца. Ҩ-ҟама хәышк дрыҵыргеит,
уаха зынасыԥ еилазҵаз, рышлара ашәхымс аҟынӡа Анцәа
машәыр рықәимҵарц. Ирыхшаз рҵеира хьмыӡӷ рықәым
зарц. Рабацәа урҭ рабацәа, аханатә аахыс жәҩахырла иаарго рхьыӡрацареи, рфырхаҵареи еицарымкырц.
– Ацәылашьцаҿы уаха еицрашәҵаз алашарақәа, аҵх
шдырлашаз, ишдыршәҭыз, ишдырԥшӡаз ашәа, шәыԥсынҵ
ры ахҭа аҟынӡа шәхы-шәгәы лашалааит, ишкәакәахааит
шәажәымҭа. Ҭамшьыгә ихигахьаз агәаҟрақәа зегьы, ари
нахыс игәырӷьарахааит. Аринахыс Анцәа ҳазшаз шәи
мырҟьаш-ҟьашааит, дад! Амшразы аҵыхразы ашацәа рхәы
шәықәнагалааит, баба. Уаха иҳаланагалаз аҭаца, Алҭараа
рҳақи, рдоуҳаи, рыразреи быцзааит, брыхьчалааит бахьы
ҟазаалак. Абри быхьӡала идырлашаз аҵх агәра быгә
рахааит, абри аҵх анарха бынархахааит, Анцәа сиҳәоит,
Анцәа ду ауаҩытәыҩса дызшаз! – иҳәан Ҟараман, Ҳазшаз
днаиҵаԥшны, диаматанеиит.
Ҭамшьыгә
иашҭаҿы
наҟ-ааҟ
рныҳәаԥхьыӡқәа
рымпыҵашәҭуанаҵы, амаҟара еиҳабы раԥхьа днаргыланы, аҭаца ҩыза аԥҳәызба иналыркны, аԥшәмацәа назлаз, еикәшаны аҵх иалԥхоз ашҭа ԥшӡа иаақәгылт. Агәыр
каршәзар убла хнакуа, еихык-еиҵык иаарыкәыршаны
ацәашьқәа лашон. Ашәымҭак аҵх ҵаазырҟәрылоз агәырӷьа
бжьқәа рҽааиқәыркит. Ашҭа агәҭа иқәгылаз ажәытәӡатәи
ашыц агәаԥшь иалхыз астол иакәшаны иаагылт. Амҵ
амҵәыжәҩа шьҭыбжь уаҳауан.
– Иахьа агәырӷьара аҵыхәала иаҳҭааз ҳасасцәа дахь
қәа, бзиала шәаабеит! Ушьҭантәи шәымҩахыҵрагьы аҽеии
абзиеи иртәхааит. Иахьа агәырӷьаразы зашҭа шәҭалази
шәареи, есымша, наҟ-ааҟгьы ачарақәа реиҵхаразы
аиҿцааха Анцәа ишәеираӡааит. Дад, аира ҿыц, аԥсҭазаа
ра ҿыц иацныҟәаз, уахьынаҵыс-ааҵыслак ачарақәа рҿы
арахәҭиаақәа реимдаразы ацәажәара Анцәа иуаҭәеи
шьааит. Ажәа умоуп, уажәахә Анцәа еицоумкын, ухьӡ
есымшагьы адуразы ирҳәалааит, иахьа иаҳҭааз ҳасасцәа
дуқәа раԥхьагыла Шаҭ-иԥа Шьаруан! – иҳәан, илабашьа
ааиҵихын, даагылеит аҳаблаҿы ҳаҭыр ду зқәыз Иуан
Маџьга.
– Аизҳареи анасыԥи рымҩала еидибагалаз ажәлар
саашәыкәыхшеит! Ҳазшаз иҿаҳәатәала, иахьа ҩыџьа Ан
цәа имаалықьцәа рынасыԥқәеи рыԥсҭазаареи еиларҵеит.
Анарха Анцәа еиҭааит! Рыхәҩы-ԥацәа ҟалааит, рыхәҩыԥҳацәа ҟалааит. Дала-шьала еизааигәахаз аҩ-жәлантәык
Алҭарбақәеи Ашәарыҟәақәеи, нырцәи-аарцәи зыхьӡизыԥшеи нагоу, аҩы-жәлантәык, аҩ-жәларык зыбзарӡы
уеи-уеихахьоу, ацәгьеи-абзиеи рҿы зымаӡа зҵарымкуа,
иԥышәоу, игәаҭоу уааԥсыроуп, шәыххь згеит!
Уахатәи аҵх лашарала ирыԥханы шәаҳԥылеит, шәхышәгәы лашааит. Рынасыԥ цыгә ҵыхәамхааит уаха еиднагалаз. Шәабдуцәа рдоуҳаи рҳақи Анцәа ишәықәимырӡааит,
уахатәи агәырӷьара еиднакылаз, абри аҩнаҭа ҭбаа иалахәу
ауацәа аҭынхацәа, шәыжьра-цәара шәықәымӡааит.
Иахьа аӡӷаб лҭынхацәа даара зеиҿыхырҭақәа ӷәӷәаз,
ус дук, ус хьанҭак снапы ианырҵеит. Еицырдыруа аҩжәлантәык, наҟ-ааҟгьы ишәықәнагоу ажәа аҳәара сара
сзы игәыӷьылацәоуп. Аха амҩан снышьацәхысларгьы
шәҟәышреи шәдырреи, шәԥышәеи сдырҽеип, сдырԥшӡап
ҳәа сгәы иаанагоит, шәыххь згеит!
Ари нахысгьы аизҳаразы, анасыԥ шкәакәазы наҟ-ааҟ
арахәҭиаақәеи аҳамҭақәеи еимыжәдарада хьаа-баа Анцәа
ишәлахьынҵахәыреимтәааит.
Уаха х-ҵхык еихала-еихыҵыргьы Ашәарыҟәақәа рҟын
тәи иаашьҭу аҭынхацәа, шәыхьӡ здырҳәаз рҵыхәала уцәа
жәозар, уаха ашара иаманакаанӡагьы аҳәатәы ыҟоуп.
Убри аҟынтә рацәак ажәа шәамыршьыкәа, хьыӡҳәала
инеиқәысыԥхьаӡар сҭахуп, аҭаца лышьҭра аҟынтәи
иаашьҭу аҳамҭақәа рахыԥхьарак рыӡбахә. Абарҭ уажәы
еиқәысыԥхьаӡо аҳамҭақәа зегьы, хаз-хазы зыхьӡ арҳәоу,
ԥшӡала ашәҵаха, ашәыхха, архаха ҳазшаз ишәеираӡааит.
Ашла дыҟазаргьы иажәымҭа хҭырԥа шкәакәала имҩасааит.
Аԥҳәыс бырг дыҟазаргьы, чамгәыр бжьыла лыԥсҭазаара
ажәралгааит, ӷра ҭшала Анцәа димблааит. Макьана зынасыԥ
ззылымԥхац аҿарацәа ишәаҭәашьоу аҳамҭақәа рымышьҭа,
шәлахьынҵа ԥшӡақәа дырласааит.
Ажәлантә реиҳабы, Аду сааукәыхшоуп, ухьӡ арҳәоуп,
уара ҳәа ахьуасҳәо саҭоумҵан, упату схы иқәуп, ара-гәаԥшь
сырҭы иаҿырсааз, бжьы-рҩаш хаҳәк ирыхгоу, ашуқьаҭ
рышҳа иалху, хьача сырмала иқәкаау аххьа хҭырԥаш!
Уажәымҭа шкәакәахааит!
Анду, бхаҵкы сцеит, макьана бышлац камшәац. Бзиа
ҵыхәала, акыршықәса бҽыжәлааит, бҽыжәҵлааит. Макьана
зҽышькыл шьапы анымгылац алакыруан седла баҭәашьоуп.
Ажәытә қьабз анарха бынархахааит! Бмаҭацәа рыбзиара
ахҭа аҟынӡа Анцәа бахьигӡааит.
«Аншьа данааиуа, аирак рыхьатә кәасқьа аԥшь-ҭӡамцк
ҵысуеит!» – рҳәоит, шәыххь згеит! Аԥсуа жәлар рқьабзқәа
рхыҵхырҭақәа иршаеҵәоу, жәытә-натә аахыс аҳаҭыр ду
зцу, Аҳ иаҭәоу, илаа ираҭәоу, аԥсуа ԥҳәызба лшыц сырҭы
иаҿылсааз, ашьха ӡы-еиқәа-ӡышхәала ирышҳау, жәаҩа хыеилаҵа зхаԥсоу ашьамхы мпахьшьы уаҭәашьоуп Бақьлар,
ухаҵкы! Убри ажәытәӡатәи аԥсуа мпахьшьы заҭәоу, иуҭаауа
асасцәа дахьқәа рыла, ухҭасцәеи, унеи-ааии шәҩыкхааит!
Егьырахь, сажәа сагәыламхацәазар, хыхь ишысҳәаз
еиԥш, еиқәысыԥхьаӡар сҭахуп егьырҭ аҳамҭақәа
рахыԥхьрак. Убырҭ иреиуоуп: аҽгәара ҟамч, «Азингер» ҳәа
изышьҭоу, аҳәаанырцәтәи аӡахыга машьына. Убри аҳамҭа
заҿа ианырҵаз аԥҳәызба, акәымжә ӡырӡ алабӡахааит,
акәымжәы еиқәаҵәа алабӡахааит. Бынасыԥ амаалықь
дахылаԥшааит!
Дад, аҽгәара ҟамчы заҭәаршьаз арԥыс, хьӡы алоугааит!
Аҽгәара ҟамчы иацназго аҽыкәаша хацхә насыԥны Анцәа
иуаҭәеишьааит. Аимҭахарақәа рҿы аҭарчеи рылуԥааит.
Аҩ-хәык рыбжьара акьиан ҿуршәааит. Аҽгәара ҟамчы
ахьӡ-ашәа, ухьӡ-уԥша мра шәахәахааит. Уҿара иҭугаз
угәашьамх, уажәра иҭоугалааит! Уаха абри агәырӷьараҿы
исзыӡырҩыз, аԥеимбар дышәзыӡырҩааит! – иҳәан, Шьаруан иаҭәаз ахацламҳәа рҵысны, ицымҩахыҵыз иҩызцәа
даарылагылеит.
Аԥшәмацәа рганахь ацәажәаҩ иҭак ажәа анырҳәа
ашьҭахь, еизаны астол еихых-еиҵых иадгылаз асасцәагьы,
аԥшәмацәагьы неилыҵ-ҩеилыҵқәеит. Ачара еилыргацәа
ркәымжәаԥшьқәа ԥхьашьшьаа иаарылагылан, сасгьы
ԥшәымагьы атәарахьы иаарԥхьеит…
Ҽырҩымҭак иҟаз ашьаԥа шәымҭақәак ирылагӡаны кәа
пеишәа идырҭәит. Аҵх аҵәылашьца ишылашьцазгьы, аҵх
агәы шеиҩнашахьазгьы, ашьаԥа аҩныҵҟагьы, амӡырхагьы,
агәыр каршәзар иубартә илашон. Ҳамҭак ашьҭахь, амца
зыцрадырсыз, аҵх зрыԥхуаз аԥшхәынҵәқәа, наҟ-ааҟ амҩа
ахықә зегьы дырлашон. Урҭ алашарақәа, ԥшхәынҵәк има
шәырны акәзаргьы ак ҿымцәаацызт. Ашҭа уахьынҭыҵуа
инаркны, шә-ҽышьахәарк инахараны, амза ашәахәақәа
канарҳәҳәызшәа, аҵх иагәылган аԥшхәынҵәқәа рылашара
агәарабжьара Алакә ҵхы иалашәҭыз алакә қаруаса еиԥш
илаша-лашон ахьатә кәасқьа!
Ашьаԥа ахи-аҵыхәеи улаԥш ахьӡомызт. Аҭаца илыцыз
амаҟарацәа рԥыза Шьаруан раԥхьа днаргыланы, аҭаца
ҩызцәа аӡӷабцәа ҩыџьа назлаз, жәаҩык ашьаԥаҿы дара
рзыҳәан иалкааз аҭыԥ аҿыҵәҟьа идыртәеит. Дара урҭгьы
еиҳабы-еиҵбыла, дасу иахьрықәнагоз рҭыԥқәа ааныркылахьан.
Асасцәа пату рықәырҵап ҳәа изықәгәыӷуаз ахацәа
нагақәа, асасцәа ирыддыртәалеит. Ҽаанбзиала ҳәа сасгьыԥшәымагьы ҵәыцақәак ааныркылеит. Убри ашьҭахь Ҭам
шьыгә иашьцәеи иабхәындцәеи наиваргыланы, аҭамада
далырхырц, ашьаԥа агәҭа иаагылеит. Амҵ ԥыруазар
амҵәыжәҩа шьҭыбжь уаҳауан. Уахатәи згәырӷьара зыҷ
кәынра хьанарҳәыз Ҭамшьыгә иажәа ааԥиртлеит:
– Сыбзиара аҵыхәала исҭааз сыуацәа, сҭынхацәа,
амшреи аҵхреи сашҭа иҭазгалаз сысасцәа дахьқәа,
саашәыкәыхшеит! «Анцәа ҩба умихыр ак уиҭоит» –
рҳәоит ҳабацәа. Дад, саргьы ацәгьара слаԥшықәҵаны
самагәышьан. Агәырӷьара аиҳа, са сзы ахаҵа игәырҩа
еиҳан. Аха хыхь исҳәан еиԥш, ауаҩы Анцәа зегьы
имихӡом. Аҵәуабжь ахьгаз, мышкызны аччабжьгьы гароуп. Анцәа зылԥха ҳаура, ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҿы
хәҵыш аамҭак ииҭеит. Аҵыхәтәан, саргьы исхимбааит
аԥшырҭа иқәтәоу, зегьы збарҭоу, зегь заҳарҭоу, Анцәа
ду ишәахәац, ихьы шьаргәыҵа сакәыхшоуп. Иахьа
саӡәк иҵыхәала, саргьы сашҭа ашәаҳәабжь ҭыҩит. Иахьа абри Анцәа исаҭәеишьаз счара хәыҷы еиҿызкааз,
изырԥшӡаз, изырхааз шәышьҭамҭа хаара-бзаара Анцәа
иагимырхааит. Иӷәӷәаны шәхарҭа сыдышәҵеит. Ацкы
амаҵ ауыха сыжәлантәгьы саргьы Ҳазшаз иҳаираӡааит!
Уаха сысасцәа дуқәа ишахәҭоу ҳаҭыри патуи рықәуҵап
ҳәа зыхьӡ сҳәарц сҭаху ахаҵа Анцәа уиныҳәааит! Уара
ас еиԥш иҟоу ачара кьаҿ акәым, аҵаул чарақәа рҿгьы
аҭамадара ныҟәугахьеит. Ацәтәыҩа еиԥш, ҳқыҭа ахиаҵыхәеи уалыҳәҳәоит, уххьызгеит. Ажәлар ргәы умоуп,
ажәлар рдоуҳаи рҳақи уцзааит уахьыҟазаалак. Жәлар
рҵәыцәгьа Анцәа иуқәимыршәааит. Ажьи Чмыт! – иҳәан
Ҭамшьыгә иныҳәаԥхьыӡ неиқәиҳәалеит.
Чмыт ашырҳәа дҩагылеит! Иҟаларын уи уаха Ҭамшьыгә
ичараҿы аҭамадара иқәшәаҵәҟьоит ҳәа дыҟамзаргьы. Аха
ихьӡи-ижәлеи неидкыланы, аԥшәма ибзарӡы аниҳәа, иаргьы
уаҩ нырҳак иакәын, аха зынӡа ихы ажәҩан инаҵанакшеит!..
Уи акәхеит. «Чмыт Ажьиба, зымаа укыз алыԥха уоуааит!
Хьмыӡӷ уқәымзааит!» – рҳәан, рныҳәаԥхьыӡқәа жәҩахырла
рҿаадырхеит…
Аҭамада даалаган, раԥхьатәи аныҳәаҿала зегь зымчу
Анцәа ду диашьапкит, анаҩс, уахатәи аишәа-чара зҵыхәала
еиҵхахаз аӡӷаби аҷкәыни рныҳәаҿа ааникылеит. Убри
ашьҭахь, аԥшәмеи, амаҟарацәа раԥхьагылеи рныҳәаҿа
ааникылеит. Убри алагьы раԥхьатәи аныҳәаҿақәа
аашьақәикит.
Жәҩахырла аныҳәаҿақәа аанкыло аҿынаирхеит аҭа
мада. Аха, уашьҭа Шаҭ-иԥа Шьаруан иныҳәаҿа ааныркылахьан еиԥш, аамҭазы, аҭынхацәа гәакьацәа рганахь
ала, асасцәа рҿаԥхьа итәаз, зықәра инаԥысхьаз Ҭарсхан
иаҵәца аашьҭихын, дҩагылеит. Ашла игылара гәазҭаз, ачара
иахатәаз зегьы, рҳарҭа-сырҭа узгәамҭо, рҽааиқәырҳәалан,
Ҭарсхан инаизҿлымҳахеит.
– Дад, абра уажәы иаалырҟьаны шәахьысзыӡырҩуа,
агәырҩа шәахьасырго, шәаҳаҭыр схы иқәысҵоит. Ухаҵкы
сцеит уаха зегь ҳзыдтәалоу, ҳаҭыр ду зқәу ҳасас Шаҭиԥа Шьаруан! Ҵангьы-мцынгьы зегьы ирзысымкуа, зегьы ирнымаало, ухьӡала ныҳәаҿак ныскылар сҭахуп,
аҭамада снеиԥыҩланы, сааукәыхшеит! Ари аныҳәаҿа дад,
ашәышықәсақәа рӡыблара иагәылсхьеит. Ари аныҳәаҿа,
ҳабдуцәа урҭ рабдуцәа рхацламҳәа иҵыргахьеит.
Зықьҩыла ари аныҳәаҿа рыкәа-рмаӷра иҭарҳәахьеит. Иахьа уажәраанӡа имырӡкәа, абиԥарақәа еимданы иааргоит. Зегьы ираҭәарымшьоз, зегьы ирзыбзиамхоз, жәларык
рқьабзи рҿахәи зҳәоз аныҳәаҿа, уаха абра измаҳацгьы
идырҳаны, ухьӡ асырҳәар сҭахуп, ухаҵкы сцеит! – иҳәан,
иныҳәаҿа аҿааирхеит:
– Дад, уара уҽыуаҩ хаҵа бзианы,
Уабџьари уареи шәеихаххаа,
Уҽырԥа-ҽырԥо ушнеиуаз,
Ажәхьча унаивалеит.
Ала аҿаԥа-аҿаԥа ишшуаз абжьы уаҳаит.
Ушәақь агәҭа быжьҵәаа,
Унеит алашбжьы ахьгоз.
Аҳәажә шцәыҵагылаз убеит.
Ашәақь агәыдуҵан, уа иаанхеит.
Егьирахь уахьыҩаԥшыз,
Ацыӷ кәыркәыруа икыдланы ишнеиуаз убеит.
Ушәақь агәыдуҵан, иалшәан икашәеит.
Уарӷьарахь уахьаақәгьыжьааз,
Хә-ҿык зҭыҵуаз аџь ахаҩаӡараҿы,
Хџьараны ашьха шҭыҵуаз убеит!
Уан улыхша аахыс ухы аԥынҵа камшәацызт,
Ажәхьча убжьы наиқәургеит:
– Уара, абри аҳәагьы ачысхә иҭ,
Ацыӷгьы ацәа ҿырԥхьа,
Ашьхагьы ацәеи ацхеи еилых, ухы иархә! –
Уҳәан, ажәхьча инаиуҭеит.
Уан улыхша аахыс, укәадыр маха аанкыланы уҽыбӷаҿ
Умнеицызт,
Уҩаԥан укәадыр маха унахаххын, удәықәлеит.
Уԥеимбару ууаҩытәыҩсоу?– иҳәан,
Иажәа ноухьигӡеит ажәхьча.
Аха аҭак имҭакәа, уахьцоз уцеит уара.
Угәы иҭоукыз уусқәа ноугӡарц.
Уусқәа лыԥхала инагӡаны уаныхынҳәуаз,
Ажәхьча сивсны сцар,
Ԥагьарашәа иҟалоит уҳәан,
Уныдгылеит ажәхьча иҭыԥ аҿы.
Уара ула исхаҳаз иаҭнысхыз абри ауп! – иҳәан,
Абжа уара иуиҭеит,
Абжа иара идикылт.
Иуиҭаз иаҭнухит жәаҩа ҭоԥк аба.
Жәаҩа ҭоԥк аба,
Жәаҩа шәындыҟәрак ирҭоуҵеит,
Жәаҩа цаԥхак рҿоуҵеит,
Жәаҩа ҳҭыҳәсак идуркит,
Жәаҩа хьырԥарк рыдургылт,
Жәаҩа еигәышәк дуркит,
Жәа мхык ылырхит,
Жәаҩа цак аадрыхит.
Абарҭ рыла нга-нча бзиа уоут,
Иухаҳаит, иуԥымхеит.
Уара узцәымӷу:
Инасыԥах цыгәҵыхәахо,
Иаӷа игәашә ҭбаахо,
Иара ила хаԥсыра ибо,
Имх дуқәа, аҳәа дуқәа ирфо,
Имх хәыҷқәа, аҳәа хәыҷқәа ирфо,
Ижә мхьо, иныга ԥҽуа,
Иҩн агәҭа фасацәгьахо,
Алашәага иршьагәырҭахо
Ишьҭамҭа чоуқь тәарҭахо
Иан ларбаӷь акькьа ишәо,
Агәыла ҳәсақәа иацдырӷызуа,
Саҭанеи Гәашьа лыкәты еиқәаҵәа
Шьахәыш лҩыҵракны,
Лкаркаламышә лҿыҵакны,
Ларӷьа напала ихы иакәлыхшаанӡа,
Кәыхшатәы имыхәааит, уара узцәымӷу.
Уара Анцәа уиныҳәааит! – иҳәан, Ҭарсхан иажәақәа,
ахьыршәыгәқәа реиԥш, ахьхьа-хьхьаҳәа, абҩатә даҷ еиԥш
еихаԥсоз, макьана дааҟәымҵындаз шырҳәоз, иныҳәаҿа
ахи-аҵыхәеи неиқәиҳәалеит. Сара абри аныҳәаҿа, Ҭарсхан
даҽаџьарагьы, имҳәар ахьамуаз иҳәо саҳахьан. Аха уахак
зынӡа даҽакала, даҽа еиҭаҳәашьа змамыз бжьышьҭыбжь
цәаныррала акәын, ибжьы неихацаланы, иажәақәа шы
неишьҭеиԥсоз.
Ашьаԥа ахи-аҵыхәеи кәапеишәа иҭәыз саси-ԥшәымеи,
уаҩы иимбо, имаҳауа лакә доуҳак иарҭаслымызшәа,
бжьыда-шьҭада, уахатәи ашацәа рыҵх иалаӡҩан.
Ҭарсхан иныҳәаҿақәеи иажәабжьқәеи рнаҩысгьы,
уаҩ дызлаҟамыз далаҟан. Раԥхьа Ҭарсхан дзымбацкәа
инеигәыдыԥшылаз, игәы аамҭрысыр ҟаломызт. Абыр
жәыҵәҟьа ажәҩан дналԥраан, Ашацәа ртәарҭа ахәы ԥшӡа
даақәтәазшәа акәын, аԥеимбар исахьахәыра шыликаауаз.
Иара ихаҭа-ԥсаҭагьы Ашацәа ртәарҭаҿы дышиз, ишизҳаз
ҩашьомызт. Еиҭасҳәахуеит, Ашацәа рсахьа акәын имазгьы.
Иара уаҩ нырҳа, хаҵа ҵәыркаԥа кылҳәак иакәын. Егьарааны дубаргьы аҽыхәа иҿабылгьазшәа, ижакьа аӡшәах
еиԥш ихыҽҽаны игәы аҵаӷара иқәҭәон. Абри ауаҩы, абас
уаҩ дызлаҟамыз далаҟазтәыз, иага рччага иҳәаргьы, егьа
ажәлар ркьатеиах ԥҵәаргьы, иара дыцәгьаны дызшаз, дшарамшан ажәҩан далзырԥрааз, ччаԥшьк ацәаара иқьышә
қәа инарықәирххуамызт. Аа, уажәы сасгьы-ԥшәымагьы
иныҳәаҿа џьаршьеит, илакәыршьеит. Иара аныҳәаҿа зызкыз Шьаруангьы, абриаҟара дырреи ҟәышреи шигмызгьы,
иахиҳәаара изымдыруа дааҳәаланархеит. Амала, Ҭарсхан
иныҳәаҿа аҭакс абас ҿааиҭит Шьаруан:
«Ҭарсхан, уххьызгеит! Мышкызны арҩаш шыцәоу
избарҭахозар, хажәак рзыҳәан Ҳазшаз сиҳәоит. Хажәак
злыԥха ҳаура исаҭәеишьар, уара ҩынҩықәра нуҵырц сиашьапкуеит! – абри ауп иахысҳәаауа, сыхьӡала иаанукылаз
аныҳәаҿа. Анцәа уеицеимкааит!» – иҳәан, аишәа днахыԥан,
хынтә Ҭарсхан игәы днагәӡит Шьаруан.
– Ҭарсхангьы Ҭарсхан иакәын, аха уаргьы узлыҵыз
ртәы-рымаа еихоуҳаит. Нас ишԥа! Арагәаԥшь, рагәаԥшьуп
иавҵиаауа, дад. Уабду Хаџьаџьа ԥсаҭа шкәакәа икәал
уҭагыланы уааиуеит! Хаџьаџьа ихьӡи-иԥшеи аихаҳаха,
аиҵаҳаха Анцәа ду иуеираӡааит, дад, Шаҭ-иԥа Шьаруан!
– иҳәеит, зықәра инахаӡахьаз ашла Кәыҿ Мырзаҟан, илабашьа амҳасҭа имацәхарҟәара ныбжьарсны, ацәашь еиԥш
дҩагылан.
Абри аамҭазы, ачара ашыкьымҭа агәы неиҩыхны,
арԥыск акиҳәа ачарашәа ааҭирҟьеит. Чарашәа бжьыла,
напеинҟьарала, аҵх нхышхыҵәеит. Алеи-аԥси рыбжьара, арԥыс баҩ еиламгылак, дакӡамшәа, аишәа днахыууаан, ԥшаласшәа дынкаԥрын, адырдха еиԥш, дгьыжьыхынҳәуа даақәлеит! Абри ашәымҭазы, лыхцәы хьыԥштәыла
кьларқәа, лӡара еихытыр иахакәашо, лыҵкы цәқәырԥа
лыҵаҽырбо, ахьшьыцба еиԥш днаиҵаԥрит ԥҳәызба зӡара
хымкых. Аҵықь, аҵықь, аҵықь ҳәа хынтә инеиқәырццакны
ахысыбжь ныҵҩит ашьаԥа. Ушьҭа ашьхарахь иаацәылашон.
Ашҭа нҭыҵ аҵх зрыԥхуаз алашарақәа макьанагьы икаххаа
илашон!Убри аахыс, бжьы-рҩашк, бжьы-храшк ирҿаӡыҭхьеит.
Аха уажә сызлацәажәо ахҭыс, мшаҽны еиԥш иахьагьы сгәы
ишалац иалоуп. Убри аҽынтәи амш, иахьа иҿыцҳҳараӡа
иаасгәалазыршәаз иара Сԥирдон ихаҭа иоуп. «Ашьа ицаша
ада иалагылом!» – акәымзар, иаргьы иабаацәыригеи, аха
умбои, иҟалаша хырԥашьа амамзар акәхап.
Сԥирдонрааи ҳареи Ҷрыхә аӡиас заҵәык ҳабжьысуан.
Нырцә дара нхон, аарцә, Ашацәа ртәарҭа аҳәааҿы ҳара
ҳанхон. Сԥирдон сара саҵкыс акыр деиҳабын. Еиуара
ҷыда ҳамаӡамызт, аха ҳацәгьеи-ҳабзиеи еилан, ҳабацәа
пату рықәеибаҵон. Жәаха Сԥирдони сареи ҳаибабеит.
Ҳаибамбациижьҭеигьы акрааҵуан. Дсеигәырӷьеит адунеи
азна!
– Умар, усымбеижьҭеи ухахәгьы шлацла иааилашыҩкит!
Аамҭа уҳәеит ҳәа, аӡеиԥш ишԥацо, зылԥха ҳаура! – иҳәан,
инеихышь-еиҵышь илаԥш аасхигеит Сԥирдон.
– Есшара сиасны саԥылома, смажәи, Сԥирдон! – сҳәеит,
рацәак сгәахьы иаамгакәа.
– Уажәы егьи ҳәа, уара макьана ажәрахь уабаҟоу, Анцәа
ииныҳәаша. Умар, уара уира иахьеиԥш исгәалашәоит. Уара
ус уҳәозар, сара ишԥасҳәари! Уаб Ирод иан данааигоз, сара
ачараҿы сыҟан. Схәыҷын, аха ӡиаск ҳаиҟәнашон ауп, абжьарак, ҩраԥагьы ҳабжьамызт. Ачараҟны сыҟан анысҳәа,
исгәалашәеит... Ахәыҷы игәы иалсуеи, игәы иахәои
ахаангьы ихашҭӡом. Изхысҳәаауа, аҽны уабду Ҭемраз
исеиҳәаз ауп. Абар ушьҭа уи аахыс уаҩықәрак ҵхьеит,
аха иахьагьы мшаҽнеиԥш, ихьшәашәаӡа сгәы иҭоуп, –
иҳәан, Сԥирдон ииҳәарц ииҭахыз мҩабжара иаанижьырц
данааикәанарԥхоз:
– Иуеиҳәазеи сабду жәаҭынхас, абас, иахьа уажәраанӡа
ихамышҭыхәха угәы иҭахартә еиԥш? – сҳәан, сабду изыҳәан
ииҳәаз сгәы сыҽшаннаҵаз идырыртә снаиазҵааит.
– Ачара анҳарҳәа, ҳаигәылацәамзи, ачараура амш
ҩымшҟа шыбжьаз сгәы сааргәытәын, снықәланы сцеит. Уажә ҩынтәын ачара рҽахьазыҟарҵоз снеиуеижьҭеи.
Инеиҵыхӡаны ашьаԥа аргылара иаҿын. Убарҭ иааҟарҵоз
зегьы уажәада иабазбахьаз, оумашәа ибаны срыхәаԥшуан,
ашьаԥа зыргылоз ауаа. Сара исаҟарақәаз хәыҷқәакгьы,
дареи-сареи ҳаибадырын, ушьҭа ҳаицыхәмарыргьы цәгьа
изымбо сышрылагылаз, Ҭемраз дааҳавалеит. Саниба
даасыхәаԥшын:
– Уеиҭаахма, уара? – иҳәан, алаҵырҟәыҿы сааҵигеит.
Цәгьала исцәымыӷхеит, аха ажәак мҳәаӡакәа, схы
ҵаарҟәрыланы саагылеит. Убри аамҭазы, Ҭемраз исеиҳәаз
заҳаз Лад дааҳадгылан:
– Даазааит, ԥшӡала, дтәым уаҩума, иҩны ами! – иҳәан,
Естат исеиҳәаз Ладгьы иааигәамԥхаӡеит. Саргьы уи аҽны
уаҳа сгәалаҟара аазҽеимхаӡакәа, ахәылбыҽха аҩныҟа
снықәланы сцеит! – иҳәеит Сԥирдон.
– Сԥирдон, нас ачарахь уаҳа умцаӡеи? – сҳәан, сгәы
иныҵаххын, саакылԥш-кылӡырҩын сиазҵааит.
–Сышԥамцеи, адырҩаҽны, амра жәхьан еиԥш ианҩеиуаз,
ачараҿы инеиз, крыфа-крыжә, ахәылбыҽха сашьеиҳаб
аҩныҟа сааигеит! – иҳәеит Сԥирдон. Аха убри зегьы
иахьаҵәҟьа сабду еиҳәазшәа акәын, усҟантәи агәалсра
ихы-иҿы ишанызбаалоз. Убри ашьҭахь шәымҭақәак иаргьы
ҿиҭуамызт, саргьы ҿысҭуамызт. Иӡхьаз-иԥсхьаз схәыҷра
абзиабара, алакә ԥхыӡ, алакә цәашьы иаҵәа еиԥш сгәаҵа
инҭаԥхаз нхышхыҵәеит:
Усҟан, Анцәа амц сумырҳәан, исхыҵуазар ҟаларын
жәохәҟа шықәса. Раԥхьаӡа акәны, ҳгәылара ҷаԥшьарак
аҿы ҳаибабеит Ашьнагьы саргьы. Убри аҷаԥшьараҿы ачам
гәыргьы ҳацдыркәашеит ларгьы-саргьы. Ларгьы-саргьы
абра ҳгәаԥхеибашьеит. Ашьна Сԥирдон иаҳәшьа еиҵбы
лакәын. Ҳабзиабара лареи сареи ҳада шаҳаҭ дамаӡамызт.
Аҵысгьы иамҳәацызт, аҳәыҳәгьы иамҳәацызт, ус амышә
кәан ишнылшәаз иҟан.
Амшқәа цон, аҵхқәа цон. Ашьнеи сареи ҳабзиабара
иаҳа-иаҳа еицралон. Ус ҳшыҟаз, ҽнак, Сԥирдон ԥҳәыс дааигоит, асабша ауыха ачара иуеит ҳәа ҳаҳаит. Асабшагьы
хәымш ракәын ибжьаз. Иаразнак схылԥа аҵыс нҭаҳәит.
Хәымш сара сзыҳәан хәышықәса ишаҟаразгьы. Ушьҭа

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Ашацәа ртәарҭа - 11
- Büleklär
- Ашацәа ртәарҭа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3232Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3273Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3329Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3315Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21830.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3314Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3290Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22320.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3276Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3313Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3325Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3283Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3269Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3300Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3307Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3134Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3249Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3223Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3199Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3275Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3202Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21990.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3231Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3271Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3263Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3268Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3269Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашацәа ртәарҭа - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2599Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.