LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Ашаеҵәа - 01
Süzlärneñ gomumi sanı 3239
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2347
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
МУШЬНИ ЛАШӘРИА
АШАЕҴӘА
Апоема
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа
Ашәҟәҭыжьырҭатә ҩны «Звонница–МГ»
Аҟәа — Москва
2018
Аредактор Арда Ашәба
Асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа
Апоема рызкуп ауаҩԥсы гәыцқьа-ԥсыцқьала иҟазаара, идоуҳа ҳарак, Ҳазшаз ҳамҭас иҳаиҭаз аԥсҭазаара ахӡыӡаара, агәыбылра, абзиабара рыбзырӡы. Акыр ихьааганы ирзааҭгылоуп ауаҩытәыҩса жәытә-натә аахыстәи
имҩа иацу амаџьанарақәа, ублаҿ имааиуа ахымҩаԥгашьақәа. Иналкаау
аҭыԥ рымоуп Аԥсны аҭоурых, Иаса Қьырса диаанӡатәи ҳауаажәлар рдин,
рҵас-рқьабз, Аԥсынра ақьырсианмҩа.
Аҩымҭа аидеиатә ҵакы, ауасхыр Аԥшьаҩыра ишаҟәгоугьы, апоет хықәкыс имам ажәеинраалала абиблиатә сиужет аиҭаҳәара. Араҟа
имҩаԥысуа ахҭысқәа зегь аҩымҭа алирикатә фырхаҵа, автор иԥсҭазаара,
ҭаха изымҭо азҵаарақәа ирымадоуп иҳәатәи игәхьааи иртәны.
Цәыргашьас, форма хадас иамоуп апоет иԥси иареи реицәажәара, рыԥсеицныҟәара, есааиратәи урҭ рмонолог, реицзаара, реиҭеира.
Араҟа аԥсуа ԥхьаҩ раԥхьаӡа акәны инарҭбааны изаатуеит адинтә поезиа, Анцәа Иажәа, аханатә ҳажәлар злахәу ақьырсиантә дунеи.
Жәаҩа-хы рыла ишьақәгылоу «Ашаеҵәа» — иҿыцу, уаанӡа иҳәамыз ажәоуп аԥсуа поезиа аҿиарамҩаҿ, ҳлитература аизҳа-зыӷьараҿ, Адгьыл Ԥшьа
ахаҿра аԥҵараҿы. Автор зыӡбахә имоу Ашаеҵәагь — ари есышьыжь ицәырҵуа, игыло лашарбагам, Иаса Қьырса Иира иазку гәырӷьаҿҳәашоуп, Анцәеи
ауаҩԥси еимаздо Вифлеем иахалашаз еҵәоуп.
Арҭқәа ртәы акыр инарҭбааны ирзааҭгылоуп араҟа апоема иацны
акьыԥхь збо ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳҵарауааи ргәаанагараҿ.
Автор иахьтә
Еицырдыруа ҳашәҟәыҩҩык игәалашәарақәа рҿы иаз
гәеиҭон ауаҩԥсы хынҩажәа шықәса данырҭыслак ихы
ларҟәны аныҟәара ҵигоит, «адгьыл афҩы» икуеит ҳәа…
Ус иҟоуп ашықәсқәа рымч, ҳԥызшәо ари аԥсҭазаара,
ауаҩԥс иҿҳәара, иаџьал ирызку ахәыцрақәа. Иҵабыргны,
ҳақәрахь ҳнаскьацыԥхьаӡа, аӡә «адгьыл афҩы» икуа дала
гоит, даҽаӡәы ажәҩан хәыцырҭас иауеит.
Иахьатәи сықәра сазааигәахацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа гәхьаас исоуа иалагеит абра, абри адгьыл аҿы сшыҟаз атәык зҳәо
ҵыхәтәажәак аҩра, ихәыҷы, иду епикатә ҩымҭак аԥҵара,
изыҩхьоу акы-ҩба ирыцҵаны, анарцә ахь исыццо ажәаны.
Иалысхышаз сҳәатәқәа, сгәы ззыбылуаз атемақәа ԥшьбахәба ирхыҳәҳәеит, акыраамҭагь џьара сзазиааиуамызт. Ус,
маҷ-маҷ, урҭ зегь «Ашаеҵәаҿ» еизыкәкәо иалагеит, абраҟа
ҳаибаԥшааит, ани ԥеи реиԥш абра ҳаилаҵәеит...
Апоема сыҩуан ԥшьынҩажәа шықәса санрықәлоз, «зхы
зтәу» ауаҩԥсы абас аиԥш иҟоу аидара данавсшаз аамҭазы.
Аха сытҟәаны сызмаз, исхьааз, шә-напык сымазаргьы убри
иазыскырц исыԥхьон, снанарҳәуан, саанарҳәуан, сымчсылшара еизнагон, сгәы-сыԥсы сразҵаауан, срацәажәон…
Иалҵыз иалымҵыз аԥхьаҩ ибарҭоуп.
Иххаӡа иаку ацәашьы анҿыцәаауа, амч зегь ааизганы
аԥырқьҳәа лашарак аунашьҭуеит, акәша-мыкәша ырлашаны. Усҟан, уи иазыԥшуа ауаҩԥсы, иҿыцәааз уи алашара
наӡаӡаҵәҟьа ишԥаҿыцәаари ҳәа гәыӷрак изынхоит, ҩаԥхьа
иххаӡа иакырц шалшо агәра ганы.
Сгәалашәара иалымҵуа иаанхеит санқәыԥшыз зны,
60-ҟа шықәса раԥхьа, Пушкин ихьӡ зху Москватәи амузеи, Мысра иазку азал аҿы избаз ҩыџьа аныхаԥааҩцәа
рсахьак, рыстатуеткак. Гыларала уи ӡакы, ӡаки бжаки
еиҳамызт. Иаԥҵан ԥшьбаҟа-хәбаҟа нызқь шықәса раԥхьа.
Ажәытә скульптор урҭ злааирԥшуаз ала еивагыла инеиуа
аныхаԥааҩцәа, абар, абар рымҩа нҵәоит. Аҩыџьагь рар
ӷьашьапқәа тышак ихықәгылоуп, ицәырҵша лашьцарак
иалагылоуп. Иаԥызҵаз аҟаза аргама, лаԥшҿаԥшы иаҳирбоит ауаҩытәыҩса иаамҭа акьаҿратә, ҿҳәарала адгьыл
иқәзааратә.
Акырынтә ари амузеи саҭаахьеит, снеицыԥхьаӡа уаҟа
ицәыргақәҵоу, шеишықәс ирхаану ԥсы зхам амумиа ҩанҭ
хьқәа сырзааҭгыланы урҭ ахьгылоу сҿынасхоит, даргь уаҟа
ишгылац игылоуп. Даҽа шьаҿак ааҟарҵар — лашьцарак
иагоит, ари адунеи иахымыз шьоук ракәхоит…
Иаса Қьырса абри алашьцара лашареитәит, аԥсра даиааит.
2017 ш.
МУШЬНИ ЛАШӘРИА
А Ш А Е Ҵ ӘА
АДӘЫҚӘЛАРА
Ҳқыҭаҿ са санмаҷыз, хәылҧазы,
Ԥсыжрак ашьҭахь, ианеимпуаз хаз-хазы,
Лахьеиқәрак сҭааит, азҵаарақәа рҵысы,
Сықәра иатәымыз, изааз уажәазы.
Изакәи ацәеижь? Изакәи аҧсы?
Еимадоу ма иҟоу хаз-хазы?
Иабацо аҧсы? Иамоузеи мҩасы?
Изкапанда уи капангак ала?
Иузкуам-иузышьҭуам унапала,
Убла иабом!.. Иухоума иара аамҭала?..
Аҧсаатә, аҧстәы, аҵиаақәагь хазы
Ирхоума убарҭгьы ҳара ҳаиҧш аҧсы?
Ирдыруама урҭ аҧсра захьӡу?
Аханатә зегь рзыҳәа иаҧу?
Мап, мап, ахдырра иаҭәоуп ауаҩҧсы —
Анцәа иҳамҭак акәны ишьаразы.
Ауаҩҧс иоуп абас аиҧш заҭәашьоу,
Анцәа исахьа зсахьаны ишоу.
Аха ҳзишеи? ҳаззықәузеи адәы?
Иахьагьы сарҭынчуам абри атәы!..
***
«Иҧсы ихыҵит…». Иабацеи мшәа иҧсы,
Ҳгәыла анышә данаҳҭа хәылҧазы?
«уҧсы ухысхып», «иҭысхып уа уҧсы» —
Абас рҳәон, ирҳәоит ус иахьагьы.
Исгәалашәоит аханатә ҽакгьы:
«Сыҧсы уагәӡы!» — сан лахьтә исаҳаит,
Лыхәда аҵаҿ акәын… исызҳаит
Сшагәӡуаз аҭыҩраҵәҟьа, инҭкааны,
Ларгьы убас — сыҧс ахаара ҧшааны!..
Сылхагылан даныҧсуаз аҽны,
Деиқәыскуан са снапала лцәарҭаҟны…
Шықәс ҩынҩажәа сырҭысхьан усҟан, ааи,
Ишысҵәахуазгьы, акала сгәы лҭыҧсааит:
Избоит дшыҧсуа, сызлыхәаӡом акгьы,
Сылҿаҧшуеит дыҭкааҵәҟьа иаҳагьы:
Атыҩ амра шахаҧо хәҭа-хәҭа,
Ишыӡыҭуа иаҿыкәыршо аҭҭа-ҭҭа,
Зны абжа амх, егьи абжагьы — лассы,
Илашьцо-илашьцо, ишахысуа иласы:
Убас лхы-лҿы еицакуан, исцәагон,
Ҩеижьрак, цәышрак ахаҧон…
Ус-ус амра аҵәахит атыҩ!..
Уажәшьҭа аргама исанаҳәон сыхшыҩ
Уи уаҳа дшыҟам, ишылхыҵ лыҧсы —
Сыҧс ахәҭа, зны са сзыгәӡуаз лыҧсы…
Атыҩ ццакуеит, амра ннажьт лассы…
Ицәырҵлашт уи есааира, аҿҳәаразы,
Аха уаҳа иҭалом сан лыҧсы.
Илымҟәыҵабылуан илкыз ацәашьы
Лымҩа ырлашо!.. Игомызт шьҭа лыбжьы…
Аха гәыӷрак ацәаара сахьыҧшуан,
Лыхьӡала ацәацәашьқәа ҳбылуан…
Лааӡаб аргаман зегь ҳзы,
Ҭаацәак зааӡаз, ибӷаз аҩнаҭазы,
Агәра згон ишымыҧсуаз лыҧсы!..
Уи лыҧсы — сара сыҧс ахәҭа,
Еибаҧшаауеит ҧхьаҟа урҭ еиҭа…
***
Аҧсы, аҧсы! — зегьы ирыцкуп иара,
Уи еиҳау акрыҟоума џьара?
Адунеи зегь аҵкыс ихадоуп аҧсы,
Адунеи ҭацәуп — ианаҧым аҧсы:
Лашьцароуп дгьыли жәҩани ирхатәа…
Уи ҭамхарц ауп Аҧсҿыхҩы ишьа зкаҭәа!..
Сааӡабгьы шьҭа ихыжжуа иҭәуп,
Саамҭагь наскьеит, ихәылҧазуп.
Акалашәа иуныруеит, уеимдауа,
Хәылҧазтәи асаркьалбжь игауа.
Ацәеижь акәзар — ишааҧсац иааҧсоит,
Икарахоит… анышә аӡа еимаҧсоит,
Анышә иахылҵит, анышә млашь иагоит.
Ахәаҷа-маҷа ирчысуп, урҭ иртәуп,
Реишәа ӷарым, есааирагь иазыҧшуп:
Иаҧшәымоуп уаҟа, ачеиџьыка карҵәо…
Ҳазну амҩахәасҭа анынҵәо
Мҩак аҧшаауеит, ианылауеит уҧсы,
Ахара иуҧхьоит хәылҧазы…
***
Умаашьан, о, суҳәоит, са сыҧсы,
Имҩасит ашықәсқәа лассы —
Сықәра — уқәроуп, уиит ианараз зны,
Ианҵаауаз аӷьеҩҳәа ҵхагәаны.
Иухьӡеит аҵаа, са сыҧсы,
Агара ушгараз. Еимаҩуазаап асы,
Ирҳәоит, ауыха икаҳаит шьамханы.
Ҳҿынаҳхеит маҷ-маҷ, мҩакы ҳанны…
Усуран иҿызхуаз сгәы-сыҧсы,
Анцәа сишеит, саҧиҵеит уи азы…
Сҩызцәа срыла снеиуан, саашьауамызт,
Абиҧарак среиуан, сгәаҳәа еиҧхьбауамызт!..
Насыҧ сыман енагь са сусураан,
Уи сагеит, сымҵанарсит заа!..
Ак иаҿым деиламгаӡои, ишәҳәа,
Садҳәалан аханатә сцәаҳәа! —
Сыхәылҧазгьы убри ала ишьаҳауп,
Сеиуа ннажьуеит — насыҧуп иреиҳау!
Умаашьан, о, суҳәоит, са сыҧсы,
Иахьанӡагьы икажьуп уи асы!..
Аашьаҩ — деилахоуп енагь,
Уаҵәы ҳәа уеиҳәоит — изыхирҟьалак…
Уаҵәынӡа иҧштәума? Иццактәуп иахьа,
Схы арпашәит иқәҳаз ашәаҟьа!..
Уаала сыҧсы, ҳамҩа — ҳус иатәуп,
Аус ахьҳаҧхьаз ашҟа иццактәуп…
Сдәықәлоит, амҩа сымоуп шьыжьнаҵы,
Аус есааира иахәышәтәуан сыҧсы!..
***
Сыҧсы, сыҧсы, сцәеижь уахадоуп,
Уи абла ҵар, уи ателескоп!..
(Уи ада абсерваториа башоуп)
Сцәеижь азыҳәа сыҧсы — шаеҵә шашоуп!
Исыздырам ҧхьаҟа иҟалаша,
Зны-зынлагь сынҭаҧшлоит атыша!..
Адунеи лагоит, аполитикцәа еиқәҧоит,
(Аҩысҭаа иусқәа наигӡоит…)
Егьагым, быжьрабыжьҵәа иргоит…
Адунеи ҭахаргьы, иҭахом аҧсы,
Ашаеҵәа кыдзаауеит бзанҵы!..
Иӡбан убас — адунеи шахаанӡа,
Амшеикәшара — аамҭа — аҧҵахаанӡа!..
***
Ҳцәеижь еижьагоуп, исабахоит уаҵәы,
Уи ала иҭыӡқәа ҩеигоит даҽаӡәы! —
Абас иҳәоит аҟәыӷа ду Хаиам1,
Иҟоу ауп, ииҳәаз — гаӡарам!..
Ажәытәтәи аҩныргылаҩ ауасхыр
Ус аниҵон (сагьархәыцит кыр:
Саниеит музеик аҟны иара —
Ирыҧшааит археологцәа џьара.):
«Ушьҭахьгьы — ҽа ргылаҩык даауеит!..»
Аргылаҩ ҿыц! Ари угәаҧхар ауеит,
Уасиаҭк иаҩызоуп, ауасиаҭ нагӡа:
Уара ууасхыргьы урҭ ажәақәа рынҵа!..
Ианысҵалон ус иара саргьы,
Иҟасҵоит уи гәахәас иаҳагьы:
Сышьҭахь иааиуа сажәа сымидарцаз,
Суасхыри иуасхыри еимадахарцаз!..
***
Уҳәамҭақәа ԥсра рықәым, Екклесиаст2,
Аҿаҧыцуаҩ, иануҵаз сымҵанарст,
Уажәа — азқьышықәсқәа иргәылст,
Абасала ихацуркит ууаз:
— Иҟац ыҟоуп, иҿыцу акгьы аҧым,
Ҳалаҧшуеит ахаан ҧсахра зқәым:
Амра гылоит, иҩеиуеит, иҭашәоит,
Ауаа ииуеит, абиҧарала иҿиоит,
Иҧсуеит, имҩасуеит, рҭыҧан шьоук ааскьоит,
Адгьыл акәзар — шеишықәса иаҧуп,
Ҳҧеиҧш еилкаауп: иаҳзыҧшыц ҳзыҧшуп…
Аҧша хага цәырҟьоит, иццакуеит,
Ишьҭрақәлоит, ашьапы ахьакыз иаауеит…
Аӡиасқәа еибарсны амшын иазцоит,
Амшын рҭәышьа амам, дара еикәшоит…
Адунеи аҽеиҭакра аҭахым,
Иҟац ыҟоуп, иҿыцу акгьы аҧшным…
Ари ҿыцуп ззырҳәо — иацы иаҧын,
Егьырҭ рхаан иҟан, рымш иатәын…
Ауаа хандеиуеит, икарҭәоит аҧхӡаша,
Рхы дыргәаҟуеит урҭ амала баша!..
Иаанхозеи? Акымзара акы,
Имцурашоуп ауаҩытәыҩса игәҭыкы!
Ҟыба-ӡыбароуп, гәжәажәароуп дызлоу,
Цәыхцәыфароуп иаҧу ауразоуроу,
Далҵрангьы дыҟаӡам, мамоу,
Ҟыба-ӡыбароуп, гәаҭеироуп уи изшоу!..
Ддәықәуп тәашьак имамкәа, дхыс-хысуа,
Акыр иаҧсоума — ииуа, иихыс-хысуа?..
Акыр иаҧсоума инымҵәауа иусқәа
Аҧсра аҿаҧхьа? Иҭацәуп, исабоуп,
Аҧсра заҵәык ауп араҟа ишәагазагоу!
Аха данышәом, ақәҧара даҿуп,
Амра аҵаҟа мшы ҧхарак иҭахуп,
Амра аҵаҟа —
Аҧсҭазаара аҧуп!..
…Аҳас саман стәыла Израил,
Исырҳаит ҵҩа змаӡам амал…
Аха ус, санрызхәыц зегьы,
Избеит ишбашаз, ишаҧсам акгьы!..
Иарбану, нас, ҳамҩаҿ ихадоу,
Хра злан иҟоу?
Аҧыжәара зыхәҭоу?—
Иҳақәиҭу иашьапкра, изхьра,
Иажәа ацныҟәара, азгәышьра,
Изыҧсахша ҽак аҧым ара!..
Уи ҳазлаҟоу идыруеит аханатә,
Ҳаг-ҳабза илаҧшаҿ иазгәаҭоуп,
Иҭаацәа ҳауп, аӡәаӡәала ҳаибарҭоуп —
Ӡбаҩысгьы дҳамоуп! —
Абас ихиркәшоит Ауазҳәаҩ Екклесиаст,
Аҿаҧыцуаҩ, иҵабырг сымҵанарст.
Уи аанхеит, ихаҭа дымҩаст,
Анцәа иоуп иажәаҿ ихадоу!..
Иуаҳауеит арҭқәа, са сыҧсы,
Иугәаларшәа зҿаазхаз асы?..
Ҳарҟьалама иалаҳхыз мҩасы?
Ҳаицрымшәо ҳандәықәлоз шырҧазы?..
Ҳцалар акәын, ҳааӡаб баны,
Абзиабареи аҧхӡашеи еилаҭәаны,
Ҳцалар акәын — ҳџьарымҩа ҳанны!..
***
Издырам ауаҩытәыҩса изыҧшу,
Еиӷьзар акәхап ус аиҧш ахьаҧу…
Ацәқәырҧақәа ирылҵәраауа аҧсыӡ
Иалашәозма ус аиҧш уи аҧхыӡ:
Аӡаҵаҿтәи акаҭ ианҭашәа,
Азнык азы иабеит иара умашәа!..
Гәҩарак амаӡамызт уи иҧхьан,
Ладеи-ҩадеи қьафла иӡсахьан!..
Узбарҭам акаҭ! Аӡсара саҿуп,
Аӡаҵаҟа уҽӡаны усзыҧшуп!..
I
АҦСНЫҞӘА
Мшынла зны, ҳауала — ҽазны,
Хынҳәышьа змам адәыӷба лас сҭаны
Сықәуп амҩа, ҧхыӡлагь иара убас,
Аҧхыӡымҩагь — лабҿаба ацынхәрас!..
Сдәықәлеит, снеиуеит, бзиала сҳәаӡом,
Изасҳәаша рышҟагь сыццакӡом:
Исышьҭалар ҳәа сшәоит сара сахьцо!..
Изгаӡом уахь сцәеижьгьы рҳәазо,
Икаҧсеит, ихеит, ааи, ишхара,
Иаҧсам уи арҿыцра, арххара!..
Уажәшьҭа уаҳа сышьҭахьҟа схынҳәӡом,
Сыззыхынҳәуа, сзызхьуагьы збаӡом.
Аханатә ирысҭеит сгәы-сыҧсы,
Ҽыҧныҳәакгьы сымоу уи азы?
Иреиӷьу сашәақәагь аҧҵоуп,
Абар, иҩашьом, снысымҩа нагӡоуп:
Ишәҭшаз шәҭит, изҩышазгьы зҩит,
Искыз аҿа иҩҭаркәкәа изжәит!..
Шьҭа уаҳа ҿыц аҩызцәа сзырҳауам,
Аҧша иаццаз мҩасит, ихынҳәуам!..
Иахьа иҳәатәугьы иахьоуми ианҳәатәу,
Уаҵәы, уаҵәашьҭахь, уи ашьҭахь ҳәа иҧштәу?!
***
Аҩысҭаа, аҧсхыхҩы, аҧсырҟьалаҩ! —
Усҧырыцқьа, уҵашәкәа, убнала,
Убжьаӡ, убжьаӡ, иҟамкәа ухабар,
Ҽа мҩакы санылоит иахьа, абар:
Ҽа лашарак ашҟа са снаскьоит,
Ҭыҧ уаҟа иумам, умҩа уахь икхоит!..
Уи цқьоуп, икаххаауп, аханатә иутәым,
Уанымызт уи, иахьагьы уаным…
Иабауҭаху? Акала ма уазхьуазма?
Уахь акәым, араҟагь уаҭахызма?..
Уҽаанкыл, са сахьцо хароуп,
Усышьҭаларгьы — иуҧеиҧшу ҭахароуп.
Сыҧс ауп уахь изго, уахь уаала, сыҧсы,
Аҵысхә аиҧш ухиаала, уласы,
Аҧсыҧ иаҩызоу, иласу сыҧсы!
Уаала, уаала, ҳамҩақәа хароуп,
Араҟатәи аҧсҭазаара уаароуп!..
Уаала, сыҧсы, иахьалагаз зегьы,
Иҟамыз ианыҟамыз акгьы?
Ухахьы иааг, иҟан ус зынгьы!..
Уаала, иазхоит, аратәи умш уаҧырҵ,
Ажәеи Ашаеҵәеи ахьцәырҵ
Рдунеи лашахь, рҭыҧ лашахь уаала,
Амрагылара угәаҳәа азырхала —
Иҳақәиҭу ишәахәа ахькаҷҷаз,
Алашара ҧыжәара ахьагаз!..
Уаала, уаала, уахьыршаз ахь, сыҧсы,
Ухьышьҭрала уҿынаха, уласы,
Уаала уҩныҟа! — зыҩн иахыло дгәырӷьоит,
Зан дзыгәхьаау асаби дышгәырӷьо.
Игылоуп уаҟа, са сыҧсы, уа угара,
Аҽакуп убратәи ашьыжь шара!..
Гә-ныҟәара, ҧс-ныҟәара, сыҧсы,
Аҵыхәтәантәи умҩахь уласы!
Уаала, сыҧсы, Адами Евеи рышҟа,
Иҳақәиҭу дахьылбааҧшыз уа зны,
Адунеи анишауаз аҽны.
Амрагыларахь — аҧсҭаларахь, сыҧсы,
Аратәи ахәылҧ — уаатәи шырҧазы!..
***
О, заҟантә ҳаиҿыхахьеи, сыҧсы,
Зны-зынлагь даара ҳаибарҧсы! —
Ҳаибамырцәо, ҳаибашьуа наҟ-ааҟ,
Шьҭыхшьа змам еицышьҭыхуа, ҳаицах!..
Заҟантә ҳалаӷырӡқәа еиҿаҧсеи,
Рбашьа амоуа ҳакәақәа ирҭаҧсеи!..
Сҵәатәы шьаҟа, са сҭынха, сыҧсы,
Дгьыли жәҩани злеибарку рҵысы,
Быжьрабыжьҵәа ҳаҵалон, сыҧсы —
Ҵәҩанҵәы ҳхалон, аҩада, сыҧсы!..
Инсыжьуа арбан са сыҧс аиҳа еиҳау?
Иаралоуп сыхьӡ, сышьҭамҭақәа шҳау.
Уи анызга — изгеит ауп уахь зегьы,
Сышьҭахьҟа иаанымхаӡеит акгьы!..
Иахьа абрантәи сдәықәлара — сцара
Иатәызар акәхап бзиала аҳәара!
Иҭабуп, о, амра ушәахәақәа,
Сырхьугӡон сгәаҳәақәа, сҳәатәқәа.
Иузынсыжьуеит, стәыла, сцәаҳәақәа! —
Ирхылҵит урҭ снысымҩа, сыҧсы,
Уаала, сыҧсныҟәа, унымхан, уласы!..
Саб дзаҵәын, сабдугьы — иара убас,
Саргьы сзаҵәуп, Сажәа — сыцныхәрас,
Схаҭыҧан уаансыжьуеит сара аӡәыс!
***
Ацәаӷәаҩ ахьаҧшрақәа ҵигар,
Ицәмаа шику ишьҭахьҟа дыҧшлар,
Цәаӷәашьас имои? Иҧхасҭеитәуеит ицәаҳәа,
Ицәаӷәацәқәа башаӡа иҵаҳәа!..
Анцәа ишьҭоугь иара убас изҳәа:
Уажәы-уажә дхьаҵуа, ишьҭахьҟа дыҧшлар,
Агәыҩбарақәа дхыхны дыргалар —
Иицәаӷәаран иҟоузеи ара?
Ибарыма ажәҩан Аҧсҳара!..
Абаа зыхьчо рбааш ныжьны ианыбнала,
Иҭацәыз абаа аанымхауеи ахала!..
Ақәыц-мыцқәа, амаӷра ахыҵәоит,
Аӡырлашәқәа, амаҭқәа ирҭыҧхоит,
Аҧшеи ақәеи рхылауеит аҧшәымас,
Иеилаҳауеит, ииаӡаауеит ирлас,
Аӡәгьы ара дахымызшәа ахаан,
Узызхәыцша маҷу арҭқәа раан?..
Ахаҳәқәа шьҭыхуа урышьҭалар зегьы,
Иргәыдҵауа уаагьы ҧстәгьы,
Угәыхәтәы уахьӡом иахьагьы уаҵәгьы!..
Сышьҭахьҟа схьаҧшлауан саргьы:
Лашьцаран иҟаз, изымпыҵакыз зегьы…
Сшаҟьон, сыгәжәажәон, ицәаакуан сыхчы,
Алашьцара салҵуан хәыҷ-хәыҷы…
Нцәа дызмам, дхазымҵо Анцәа,
Рыҧсы шҭоугьы иреиҧшуп урҭ аҧсцәа,
Аҧсцәа анышә иарҭалааит рыҧсцәа3 —
«Уара уаала…». Абас иҳәеит иаахҵәа
Иаса Қьырса агаҿаҟны зны,
Иҵаҩцәа руаӡә даниҧхьауаз аҽны…
Шьҭа абас ауп, иҟаӡам ҿааҳәра,
Ҳазҧырҵыз — дара-дара еибабап,
Русқәа — Иҳақәиҭу ибалап,
Ибзои иҧсуи Иара еилиргалап!..
Уи дахьыҟоу? Ихарам, иеилкаа:
Умши уҵхи дрылахәуп, дыҧшаа!..
***
Уаала, сыҧсы, ҳазлоу амц ааныжьны,
Уи ауп иаҧу инеиужь-ааиужьны:
Уи ҳашьаҳаит, акаҭ аиҧш ҳагәылоуп,
Ҳшеибарку, ҳшеибыҭоу иаралоуп.
Агәра ганы иуарҳәо узаҧылом,
Маанак-маанак зҵамгьы ала-мала
Иуаҳарц иҟаӡам арала,
Мыцралоуп, ааи, ишылбаауа, ишхало!..
Уизыҧшы, дубарҭоуп лабҿаба:
Ҟәардәк изхоума? Дрықәтәоуми ҩба —
Иҽыхәа ццышә аҧшь-шьапык чаҧа!..
Имаҷӡами? имыцхәума хҧа?..
Еиқәтәашьак ыҟам, иааҧсом рыҽқәа,
Еибарҧсуеит аҧхьахә еимакуа —
Ирымҵаҧсоу абаҩқәа ирзыҩ,
Наҟ-ааҟ дара-дара еиҧхныҩ! —
Изеихьӡом, — ишнеиуа иеихҟьашоит,
Урыҧгылар — иухыст, удырхәашоит,
Рымц уҧгылоит, уҵабырг ҭадырхоит.
Иеишьҭоуп — ишеишьҭоу ацәқәырҧақәа,
Ирышьҭоуп ахаҳәқәа, алапҟьақәа…
Иреиҧхыӡуеит аҭыҧқәа, ацаҧхақәа…
Амҩа рыҭ ауаа млашьқәа, агәыҳәқәа! —
Иаанызкыло ыҟам аҟәҟәақәа,
Аанда рбоума, инеиуеит еиханы,
Есааира иҧхеибаҵа, еибажьо,
Мап иҟаӡам урҭ рзыҳәа иҧшьоу —
Ари уацәҩашьоума, сыҧсы,
Урылашәон иахьеишьҭаз еибарҧсы!..
Крымфаӡакәа имычҳауеи мызкы?..
Мыцҳәарада изыхгом мышкы!..
Уи ҧшаатәума? — иҭиҳәаауеит ихы,
Амц — иҩыза гәакьа, иҭахы!..
Арахь ак уеиҳәоит, иҟаиҵоит ҽакы —
Имц баҩхатәра, игәаҳәара ҵакы!..
Асабрад иҿоуп — иҿоуп ахаҿҭырҧа,
Уирҩашьоит ауми лабҿаба!..
Амацасҩы убасшәа уиҟаҭәоит
Маанак уаҳа иҵамшәа џьаргьы:
Инапсыргәыҵа ҟьаҟьаӡа иаартны —
Инацәкьарақәа рхахан иуирбоит,
Даргамоушәа иҽыҟаиҵоит, уижьоит! —
Иҭәуп иҧсҭазаара мыцла —
Ижьала, агәнаҳа еизгала!..
Амц пирамида — ҳаракӡоуп,
Ажәҩан иаҵакьысуа иҩаскьаӡоуп,
Ахаҳәқәагь — мцурашала еиқәҵоуп!..
Амцҳәаҩ имц ала-мала инҵәом,
Аҵабырг аниҳәогь игәра ргом!..
Амц заҧу — иаҿаҧырҽларц ауп,
Ауаҩҧсы дарҟьалоит, имцуроуп!..
Ацәгьа-мыцәгьа аршара, аура,
Иҟам-ианым ахәыцра, аҧҵара!
Инапыдоуп, ишьапыдоуп амц,
Аха иннакылом абаа-ҭӡамц:
Нап змоу, шьап змоу дахьӡом,
Жәлары ирылымсыкәа ихынҳәӡом!..
Лымҳа ахьыҟоу инаӡоит иара,
Гәашәк ахьҿоу — иҟоуп аҩнра!..
Ауаҩы дзырҩашьо ыҟоуп зқьы,
Аҵабырг ауп ирхадоу зегьы.
Ауаҩҧс иаҵкыс иара акыр еиҳауп,
Уи аныӡ — дымҵәыжәҩадоуп, дшьаҳауп.
Иаци иахьеи ицәырҵма ажьара?
Аханатә иаҧшәымахеит ара —
Ҳабыз иаҧсҭазаароуп — иаҧсуп,
Ҳабыз иациит, ишыбзац ибзоуп!..
Еихаҳшьалап абраҟа уажәазы:
Гәнаҳа змам дузыҟьашьуам бзанҵы,
Иаҧызааит аҵабырг абзырӡы,
Уақәшаҳаҭха, уазыразха, сыҧсы!..
***
Антихрист — аҵабырг аҿагылаҩ,
Иҳақәиҭу иабашьҩы, иҧгылаҩ,
Уажә аакьыскьа иӡбахә ҧымҵәо ирылаҩт!
Имцуп, уи дыҟам, дызбахьада уҳәама?
Сара дызбеит, ҳаиҿаххит аргама!..
Ҩашьара иқәу? Ауааҧсыра раахәаҩ,
Амц, агәаӷ, ацәгьа-мыцәгьа рхахаҩ!..
Уахгьы ҽынгьы ддәықәуп иҽырҩашьа,
Иҵаруп, улбаанадоит иҧшышьа:
Иҭахуп, изыразым дрыгәҭасны,
Амчра игарц ишьаҽуа, имҵарсны!..
Ауаа еиниҟьоит, еилеиҵоит хыла-гәыла,
Амчра игар — «иџьанаҭитәуеит» атәыла,
Амчра игар — иреиӷьу «аҧхьагылаҩ!..».
Аха дзакәу? Агәырҟьалаҩ, аҧсырҟьалаҩ!..
Ауаа рӡыӡо адгьыл рыҵацалаҩ!..
Аҧара ахьыҟоу ауп иара иҧсадгьыл.
Иуҭаххап абџьар ума уишьҭал,
Дузахцом уа, ишьап зны ианкыдгыл!..
Жәларык имоуп рыжәҩақәа ҭҟьаны,
Мцурашала иргәыӷуа, иҟаҭәаны.
(Урҭ ирылам иӡбахә узҳәару?
Ирҳәауа аҩызагь узҳәару?..)
Аҩысҭаа абџьарла уи деибиҭоит,
Иаҩысҭаа-ҧс деигӡауам, уахь ииҭоит…
Иҭацәит ҵак амаӡамкәа ажәа,
Абри аҩыза ес-иаашар уанышәа!..
Акьыҧхь, арадио, амикрафон
Ааихәон шьаҭанкыла, имц дирҳәон.
Иҳәынҷоуп амилаҭ телецәаҳәа,
Ухаҵазар уаҿагыл, ак ҳәа!
Аҳауа иалоу алызхуа ес-ҽны
Уахь имҩа ныркылт, днарышьҭуам арҿиаҩы!..
Игәнугон уи, сыхаара, сыҧсы,
Рбызшәеи убызшәеи ирыбжьан аҭӡы!
Амашьынақәа еишьҭан… Ауаа рынхарҭа
Ирҭаауан — уакәын рымцҳәарҭа,
Ашҭақәа, азалқәа — урҭ ржьарҭа!..
Ателекамера — аханатәтәи рҽыхәа,
Уахь ирыцын, иҟам изыҧсахуа! —
Абар, аа, дрылахәмарт жәлара,
Иеиҿаиргылт, ирықәым еиҿаҧшра,
Қыҭа-қыҭа еиҟәшо, ана-ара,
Ақалақьқәа — убас… иубом кҿаҩра
Уи иҿкы ахьынамӡаз џьара!
Ирацәоуп иазыӡырҩуа ичамгәыр,
Аӡәаӡәала иаҿашәоит иҵәгәыр!..
Ишьҭаҧалоит, ицәнымхо, рҽыхәжәауа,
Нада-аада еиҭаҧо ауаа…
Ацәҟьара кыдҧаа игароуп, дыццакуеит,
Аҽурақәа шахабаала икуеит!..
Ма аиааира, мамзаргьы аҧсра!..
Абас аиҧш ала деибашьуеит абра…
Дыртәыртәит аиҵашьыцрақәа, агәаӷ,
Данылароуп, ҳаамҭа аҭоурых,
Икызароуп амаа ареопаг5,
Анцәа диҳәоит: «Уи ахәашҟа снаг!..».
Ихьӡ ҳәатәума? Ицәыргаз ихаҿра,
Абар, Мефистофель6 ихаҭа!..
Иҿыҧшыларагь — аџьныш илакҭа!..
Мефистофель иакәзаргьы, еилкаауп:
Дулаӡоит, иааихәауеит уҧсы —
Зны ишааихәаз Фаустгьы7 иҧсы!..
Дфырхаҵахароуп — Афырхаҵа днаигәҭас,
Ахада иҭыҧангьы — Хадас!..
Лассы икаҩроуп иӡбахәқәа нароу,
«Имцуп» — изырҳәахьоу ауоу!..
«Исыдгылам са дсаӷоуп» ҳәа ишьа,
Диабашьуеит, дықәихуеит иашьа!..
«Сганахь иҟоу аханатә дыхьчоуп!» —
Ибашами, урҭ аргама ижьоуп!
Азакәан-ба? Иҭоуп иара имакәан!..
Амакәан атә акәзар, иаумақәан:
Иҭоуп убра араӡны, ахьы —
Ишиоуз дырым, имоуп хәдацәахьы!
Иааимхәода? Уара, сара, егьи…
Амакәан ҭацәышам уахи-ҽни!..
Ауаҩ изин-ба? Иабаҟоу, иафеит мым,
Иааӡаанӡа иазныҟәеит ишакәым:
Иҧсымкәа-ибзамкәа ианыршәлоуп џьара ақьаад,
Руссо, ҳусқәа араҟа иҽеим, дад!..
Саҭоумҵан, аҧҟараҧҵаҩ Руссо8,
Иззымдыруада уҧҟарақәа зыҧсо?
Аха акгьы имыхәаӡеит иҧссо:
Мал змои измами еиҟарам,
Уи аҭыҧ ақәҵарагь мариам!..
Акылҳарақәа араҟа ирацәоуп,
Ак аҵкыс ак еиҳа еицәоуп…
Ахатә мал иахьакӡоу аҳра,
Азинқәа ахьаҿу аҵыкәкәара,
Аламыс ахьыҧхаҵоу хара
Насыҧла нхашьа роурыма жәлара?..
Аӷаруаҩ дахәаҽуеит иӷарра,
Акгьы ихәом дзеигәыӷуа аҳәынҭқарра!..
Шәахтәк ауп иршәо аӷар уаҩи абеиеи,
Еиҟароушәа рыҧхӡаша бааҧси ироуеи!..
Уаҧсҵәык ауаа иркуп атәыла амал,
Измоуи измами ирыбжьоуп асал!
Игәнугон урҭқәа, аханатә, сыҧсы,
Дрыцҳаушьон бӷа змамыз ауаҩҧсы!..
Аӡәаӡәала раахәара мариоуп,
Халагас иҟоугь убри ауп!..
Ихәоит агәырҟьалаҩ, аҧсырҟьалаҩ,
Ауаа рӡыӡо адгьыл рыҵацалаҩ!..
Аӡбахә имоуп есааира ареформа,
Амала баша иахьа имаца хәмарма!..
Ахалараз — иҭиуеит иҧсы,
Дрылоуп гәыла-ҧсыла деихаҧсы…
Ицымгылт дызлоу ргәыбылра,
Дрыдрымкылт — ицәшәоит ауп ус иара,
Иашьҭоуп есааира ицырҟьак,
Ирыгәхьаам агәнаҳа, аҳақ…
Дуҧхьоит уаҭаарц иаҳҭынра?..
Сыҧсы, о, суҳәоит уицәгыл хара!..
Нкылашьа имам, ихоуп иара шәы-ҧсык,
Агәылшьап маҭ, изхагыло жә-хык!..
Данбатәиу? Дақәлоуп адунеи,
Аха уажәык иаҳәа ццышә цеи-цеит!
Иҟьоит, еиҭеиҟьоит, алашьцара Аҧсҳа,
Алымҳаи аблеи змоу ижәба, ишәаҳа!..
***
Уаала, сыҧсы, уаала абарҭқәа урылсны,
Иузынхааит уззышаҳаҭыз хҭысны,
Сеилаҳауам урҭ ҩаҧхьа рҿаҧшра,
Избац роуп, урыцәгыл хара!..
Иреиҳау ахь, иҧшьоу ахь уццакы,
Иушьҭоу аҵх еиқәара амҩа кы!..
Аӡоуп еснагь аладаҟа ицо,
Уи иаццо — хара дызцом дыӡсо,
Аҵахь ауп иахьихо, дымхынҳәӡо:
Уи мариоуп, ақәҧара иатәӡам,
Хланҵ алеира — џьабаак аҭахӡам!..
Аҩада — иаҭахуп аҧхӡы,
Ԥхӡашала, ааӡабла, са сыҧсы!
Ашьха ақәцә ихалауа — дзаҵәуп,
Икәша-мыкәша адунеи ҭацәуп.
Имариазар аҩада ахәнара
Уахь ашырҳәа имхалауаз жәлара!..
Изаҵәуп аханатә Ерцахә.
Уаргьы узаҵәуп: узаҵәрахь урых —
Уи ҩаӡароуп, уантә егьырҭ урыхә,
Ураҧыза — илашьцоу лашаратә!..
Узаҵәым — Иҳақәиҭу дызцу,
Уи идоуҳа, уи иҧсы зыҧсу!..
***
Ахьӡ-аҧша ихнахызгьы рацәами,
Дара ртәала урҭ араҟа инцәами —
Рыхқәа шьҭыхуп аеҵәақәа рҟынӡа! —
Ҟазшьалагьы — иадкыла ашьанҵа,
Ашьанҵа — шьанҵоуп, иҵарӡа, иҩанҭхьӡа!..
Ауаҩ ҧагьа дизыхгом аҧагьа —
Изычҳауам иажәа анилакьакьа!..
Цлабҩы димам, ихоуп енагь дзацлабуа,
Зегьы дышрылыҳәҳәо ҳасабуа…
Аҧагьацәа — ҽыжәуп, ишьаҟауаам,
Уареи сареи ҳаха урҭ ироуам!..
Гәылаҵас рашҭа-гәара узҭалом,
Узрыдтәалом, рааигәа удыргылом,
Нааларак, ҟәымшәышәрак рыдубалом,
Илбаауам урҭ «ажәҩан» ала-мала!..
Икақәхеит, алапҟьа шкақәхо,
Иашьҭам, ирыгәхьаам еиқәзырхо!..
Ахышьҭыхра, ахҩахара, уаҩ ицу,
Урҭгьы убрахь, ирылаҵа иаҳшьарцу?
Мап, мап, рцәаҩа, рыԥсабара ус ауп,
Ԥагьарак анрылам даҽа усуп!..
Са сырҿуп ари аҧсҭазаара иарҧагьаз,
Иаҧсоу даҧсоуп, аҽхарззала унаскьагаз!
***
Ачеиџьыка змамгьы — аҧсы-бза,
Иӡбахә ҩажәак уеимхәыц иахаҧса,
Уааҭгыл, сыҧсыхаара, сыҧсы!
Амҩа иқәу, иҿажәкуа ауаҩҧсы,
Ианлеиуа акырцх, ианхымкәо ақәа, асы,
Аҟаршоура ианыҭнахуа иҧсы —
Ҭынхаҵас иҧымлауа дуаҩу?
Ихҳәаатәузеи? Сақәшәауам иҩтәу!..
Ажәытә — ажәытәӡа: ирхыбуан аҩнқәа
Џьыка хышла… Илеиуамызт ақәа.
Ԥшасуамызт.Ирыздыруамызт асы.
Амшынгьы ҵаамызт…
Ус зны, шырҧазы,
Ԥҳәыс еибак лгәыла иашҭа дҭалт,
Иаргьы убра агәашә аҟны дылҧылт.
— Бзыргәаҟуазеи?
— Уаҧсҵәык аџьыка!..
— Сыҩны ахыб иақәу сырбгарыма?
Мҳаҵәк аџьыка азыҳәа иҵысшәаарыма?..
Иашҭа дҭицеит аҧҳәыс еиба аргама!..
Илаҳазгьы ус дзанышәауама?..
Ахаҳә шкәакәа днықәгылеит лыҩн ашҭа:
— Иҟамлааит сгәыла каџьбеи ишьҭа!
Аси ақәеи леиааит дахьынхо,
Иџьыка хыбрагь ырӡҭуа, иҭархо! —
Абас дшәиит уи — агәыҧжәара лиааиуа.
Иара уи акәхеит! — акырцх, асы, ауеиа.
Ауеиа бааҧс, зеиҧш ҟамлацыз аиуа:
Иҟам уаҳа агәыла инхарҭа аиуак! —
Иагеит амшын ахь — иқәаны, иӡны,
Аџьыка иалхыз акаџьбеи иҩны!..
Убасҟан ауп амшынгьы анҵааха,
Аҭырас хыбгьы раҧхьа ианаҧҵаха!..
Агәыла иакәзар — зџьыка хан лашоз,
Иқьаҧҭахеит илҩаҵә ҩада иахьцоз:
«Мҳаҵәк аџьыка иеигӡаз дахьынхоз!..».
Иахьанӡагь иҟоуп, ирацәоуп урҭ реиуа,
Иҳалагылоуп, ана-ара, инеи-ааиуа.
Иарыхьҭшьуеит, ирыхьызшәа ашыӡ:
Ҟәрышьк ршәом адунеи зегь бгаргьы,
Иаҳхагыло ажәҩан кыдыбгаргьы!..
Ирызҳәом: «Аҩныҟа умҩахыҵ!»,
Ирызҳәом: «Еиҩаҳшароуп ҳҿаҵа!» —
«Абар, аа, иудысҵоит сжәҩахыр,
Сџьыбаҭыхгьы сеигӡауам, идыр!»
Рыуаҩра, рынамыс еицакуп,
Рхан ӷьазӷьазқәа џьыка хышла ихыбуп!..
Ирзауеит есыуаха ақәа —
Иҟам ала-мала ихкәауа!..
Ачеиџьыка анаҧшьгахаз иахьоума?
Аныҳәаҧхьаӡгьы ацуп, имаӡоума?..
Абаа иаҩызоуп — ӡи-мцеи ирызгоума!..
***
Ашьыцрақәа рдунеи лашьца — еицәами,
Ауаҩҧсы дыҧхасҭазтәуа ауми!
Иҳалоу ҳалнахт, ҳгәы-ҳаҧсы зегь ҭыфаа,
Ҳамоуп уахгьы-ҽынгьы ҳарӡыфа…
Иҳацгылоит шьыжьы, иҳацышьҭалоит,
Аҵабырг иахабабоит, идырҟьалоит.
Убзырӡы анга, уаналкааха акала
Рҿаархоит анс-арс ак уҵагала…
Зехьынџьара — зегь рацлабра, раҧысра,
Зехьынџьара — аҭыҧ хада амҵарсра —
Ԥсыс ирхоуп аҳарамра, ашьыцра!
Аҳәысҭа ишахыҵәо аиҧш аҳәира
Адунеи ркуп аҧсықымқымра, ашьыцра!..
Еиӷьны инхаз — дилаӡом ашьыцҩы,
Иаҧызгауа — дилаӡом ашьыцҩы,
Уиҭиуеит ашьыцҩы амаҷ азыҳәа,
Уиҭиуеит — араӡны азыҳәа…
Насыԥ имоуп, урҭқәа зашҭа иҭамлаз,
Ртыша лашьцахь аҽны шьыбжьон ибӷамлаз!..
Знысымҩа инаҭауа агәахәа,
Насыԥ имоуп, иҵҧраауеит иҽыхәа!..
Бзазара имоуп, дныҳәоуп, ааи, уи ауаҩ,
Иҽыжәу дреиуоуп, имҩа ҭгоуп уи ауаҩ!..
Дыҧсуеит ашьыцҩы. Ашьыцра ҭахаӡом,
Ҳара ҳажәыргьы — иара ҿоуп, иажәӡом!..
«Иреиҳау дарбан?» — еснагь уагоит атышахь,
«Сара сзеицәада?» — убригь — убрахь, анышә ахь!..
Заҟа жәлары, уааҧсыра ҭадырхазеи,
Заҟа тәыла, ҳәынҭқарра цҟьа-шәҟьа иргазеи,
Макьанагь заҟаҩ рымҩа иазыҧшузеи!..
Иреиҳау? Уеиҳазароуп намысла,
Ушрылмыҳәҳәо ырҵабыргуа усла,
Иҳақәиҭу иџьармҩа уанысла…
Иаҳхашҭрыма Иҳақәиҭу иҿырҧштәқәа?
Иӡәӡәауан аӡәаӡәала ршьапқәа
Ицныҟәоз апостолцәа — иҵаҩцәа,
Арахь зегь рымаа заҭәашьаз Анцәа!..
***
Ачарҳәаҩ иакәзар, дыҟами Иуда!
Ари узалацәажәоума уи ида?
Адунеи иахыз, ирылаз гәыбылрада,
Аҩысҭааи амаҭқәеи иҽрыҭа!..
Иабаихәеи? Уазҵаа икнаҳау ашаха,
Уазҵаа аҵла амахә аӡа хаха:
Иҽанишьуаз днеины дызхьынҳалаз,
Убраҟагь наӡаӡа икынхалаз!..
Ирацәоуп аханатә уи иашьцәа,
Ирызҳауеит есааира, рҵыхәа ҧымҵәа:
Урықәгәыӷны ӡык уара узҭалом,
Аламала рыбла узхыҧшылом,
Урыцны шьха ҩаӡарак узаҿалом,
Дахьҭаирхаз Мзауҷ хәымга Наҩеи,
Иахьиқәшәиуа уаҟа ҿаҩеи хреи —
Иуаӷеимшхароуп ачарҳәаҩ идунеи!..
Иҽиҧсахуеит, дҵәыр-ҵәыруеит иара,
Ахаҳә иаватәо амаҭ аҧшь даҩызоуп,
Маӡа убраҟа дуцҳауеит иаразнак.
Дызлаҟам арбан?
Иуадаҩуп аҳәара!..
Дызҿыу еицгәарҭахьеит ара:
Илымҳа кыдҵа ашәаҿ аӡырҩра,
Ианшәарҭахо — ахьаҵра, аҽӡара…
Аха ҩашьара ақәым ихаҿра,
Ҩашьара ақәым иаархоу имҳәыр —
Ачарҳәаҩ — аҭиҩы имҳәыр!..
Иацы дивагылан жәлар рҧыза,
Зтәыла-ҧсадгьыл алызгауаз амца,
Дыҟазма уи иҿаҧхьа дгәамҵуа?!
Диашьапкуан, иҽкажь, асаараҟынӡа…
Иахьа диаӷоуп, иҿагылауа драҧыза!..
Ак иаҧсам — дижәлоит ак иаҧсоу,
Уи ала идирдырроуми дзыҧсоу!..
Мардуан-мардуан аҩадаҟа дхалон,
Мардуан-мардуан аладаҟа дҭалон:
Ицәаҩа зцәаҩаз шьоукгьы идиҧхьалон,
Дызцәымҩашьоз ҧсыҽрак рыдибалон,
Ушәхымс иахумыжьша ишьҭеигалон…
Иқәҧара акәзар — ус «ибаша-машам»:
Иахьӡын уи ажәлар зырӷьацаша,
Атәыла ҭызго аусқәа ҧхьаҟа изгаша! —
Ахьӡқәа маҷу ас уздызыҧхьало?..
Абз иаҳәац аҳәон, ибзын, баҩ алоу?..
Амҧын иҟаӡамызт жәлар рыгә иалоу!
Ачарҳәаҩгьы имами бӷакы,
Ала-мала дузаргом акы,
Дарҳәазоит дызмадоу ӷбакы:
Зны иӡааҟәрылоит, иҩхәыҵыззоит ҽазны,
Ихәыҵымҵыр еиӷьзаргьы, ҵаны!..
Икәша-мыкәша тышоуп, нҵәара зқәым,
Уи дахьыҟоу — иҟоуп џьаҳаным!..
Гәӡрала Иуда Аҧсҿыхҩы диҭиит,
Аибагәӡра — иахьеи иаци имиит!..
Арҭқәа акыр ихьааугон, сыҧсы,
Умҩақәа ирыцын гәырҩасы!..
***
Аҽхәара акәзар — иамоу шәага-зага?
Чҳашьак аман иҟоу агәыргага?
Ес-иаашар абас ала абақьра?
Инаӡоит уи ажәҩан акьышә-кьышәра!..
Аҵабырги амци еиларҩашьоуп,
Кашырроуми, аандақәа еиужьуп!
Агаӡареи аҽхәареи еилаҵәеит,
Ирзыӡырҩуа — дынҭаҳәахаа ддырцәеит!..
Шәынтә ирҳәахьоу даҽа зқьынтә игон…
Ҿыц еихадыргылон Вавилон!
Уахгьы ҽынгьы, уахгьы ҽынгьы — акы,
Ак зҳәаша, изҩыша рҿы ҩаркы!..
Иарцыгәит, иаҿеит ауаа рхаҧыцқәа,
Убасҵәҟьа ихазыноумашь аусқәа?..
Итҟәацуеит, аа, егь агым аекран,
Арадио акәзаргь —
Амҩа каххаа иган!..
Иаахәоуп иахьа ирҳәо абзырӡы,
АШАЕҴӘА
Апоема
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа
Ашәҟәҭыжьырҭатә ҩны «Звонница–МГ»
Аҟәа — Москва
2018
Аредактор Арда Ашәба
Асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа
Апоема рызкуп ауаҩԥсы гәыцқьа-ԥсыцқьала иҟазаара, идоуҳа ҳарак, Ҳазшаз ҳамҭас иҳаиҭаз аԥсҭазаара ахӡыӡаара, агәыбылра, абзиабара рыбзырӡы. Акыр ихьааганы ирзааҭгылоуп ауаҩытәыҩса жәытә-натә аахыстәи
имҩа иацу амаџьанарақәа, ублаҿ имааиуа ахымҩаԥгашьақәа. Иналкаау
аҭыԥ рымоуп Аԥсны аҭоурых, Иаса Қьырса диаанӡатәи ҳауаажәлар рдин,
рҵас-рқьабз, Аԥсынра ақьырсианмҩа.
Аҩымҭа аидеиатә ҵакы, ауасхыр Аԥшьаҩыра ишаҟәгоугьы, апоет хықәкыс имам ажәеинраалала абиблиатә сиужет аиҭаҳәара. Араҟа
имҩаԥысуа ахҭысқәа зегь аҩымҭа алирикатә фырхаҵа, автор иԥсҭазаара,
ҭаха изымҭо азҵаарақәа ирымадоуп иҳәатәи игәхьааи иртәны.
Цәыргашьас, форма хадас иамоуп апоет иԥси иареи реицәажәара, рыԥсеицныҟәара, есааиратәи урҭ рмонолог, реицзаара, реиҭеира.
Араҟа аԥсуа ԥхьаҩ раԥхьаӡа акәны инарҭбааны изаатуеит адинтә поезиа, Анцәа Иажәа, аханатә ҳажәлар злахәу ақьырсиантә дунеи.
Жәаҩа-хы рыла ишьақәгылоу «Ашаеҵәа» — иҿыцу, уаанӡа иҳәамыз ажәоуп аԥсуа поезиа аҿиарамҩаҿ, ҳлитература аизҳа-зыӷьараҿ, Адгьыл Ԥшьа
ахаҿра аԥҵараҿы. Автор зыӡбахә имоу Ашаеҵәагь — ари есышьыжь ицәырҵуа, игыло лашарбагам, Иаса Қьырса Иира иазку гәырӷьаҿҳәашоуп, Анцәеи
ауаҩԥси еимаздо Вифлеем иахалашаз еҵәоуп.
Арҭқәа ртәы акыр инарҭбааны ирзааҭгылоуп араҟа апоема иацны
акьыԥхь збо ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳҵарауааи ргәаанагараҿ.
Автор иахьтә
Еицырдыруа ҳашәҟәыҩҩык игәалашәарақәа рҿы иаз
гәеиҭон ауаҩԥсы хынҩажәа шықәса данырҭыслак ихы
ларҟәны аныҟәара ҵигоит, «адгьыл афҩы» икуеит ҳәа…
Ус иҟоуп ашықәсқәа рымч, ҳԥызшәо ари аԥсҭазаара,
ауаҩԥс иҿҳәара, иаџьал ирызку ахәыцрақәа. Иҵабыргны,
ҳақәрахь ҳнаскьацыԥхьаӡа, аӡә «адгьыл афҩы» икуа дала
гоит, даҽаӡәы ажәҩан хәыцырҭас иауеит.
Иахьатәи сықәра сазааигәахацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа гәхьаас исоуа иалагеит абра, абри адгьыл аҿы сшыҟаз атәык зҳәо
ҵыхәтәажәак аҩра, ихәыҷы, иду епикатә ҩымҭак аԥҵара,
изыҩхьоу акы-ҩба ирыцҵаны, анарцә ахь исыццо ажәаны.
Иалысхышаз сҳәатәқәа, сгәы ззыбылуаз атемақәа ԥшьбахәба ирхыҳәҳәеит, акыраамҭагь џьара сзазиааиуамызт. Ус,
маҷ-маҷ, урҭ зегь «Ашаеҵәаҿ» еизыкәкәо иалагеит, абраҟа
ҳаибаԥшааит, ани ԥеи реиԥш абра ҳаилаҵәеит...
Апоема сыҩуан ԥшьынҩажәа шықәса санрықәлоз, «зхы
зтәу» ауаҩԥсы абас аиԥш иҟоу аидара данавсшаз аамҭазы.
Аха сытҟәаны сызмаз, исхьааз, шә-напык сымазаргьы убри
иазыскырц исыԥхьон, снанарҳәуан, саанарҳәуан, сымчсылшара еизнагон, сгәы-сыԥсы сразҵаауан, срацәажәон…
Иалҵыз иалымҵыз аԥхьаҩ ибарҭоуп.
Иххаӡа иаку ацәашьы анҿыцәаауа, амч зегь ааизганы
аԥырқьҳәа лашарак аунашьҭуеит, акәша-мыкәша ырлашаны. Усҟан, уи иазыԥшуа ауаҩԥсы, иҿыцәааз уи алашара
наӡаӡаҵәҟьа ишԥаҿыцәаари ҳәа гәыӷрак изынхоит, ҩаԥхьа
иххаӡа иакырц шалшо агәра ганы.
Сгәалашәара иалымҵуа иаанхеит санқәыԥшыз зны,
60-ҟа шықәса раԥхьа, Пушкин ихьӡ зху Москватәи амузеи, Мысра иазку азал аҿы избаз ҩыџьа аныхаԥааҩцәа
рсахьак, рыстатуеткак. Гыларала уи ӡакы, ӡаки бжаки
еиҳамызт. Иаԥҵан ԥшьбаҟа-хәбаҟа нызқь шықәса раԥхьа.
Ажәытә скульптор урҭ злааирԥшуаз ала еивагыла инеиуа
аныхаԥааҩцәа, абар, абар рымҩа нҵәоит. Аҩыџьагь рар
ӷьашьапқәа тышак ихықәгылоуп, ицәырҵша лашьцарак
иалагылоуп. Иаԥызҵаз аҟаза аргама, лаԥшҿаԥшы иаҳирбоит ауаҩытәыҩса иаамҭа акьаҿратә, ҿҳәарала адгьыл
иқәзааратә.
Акырынтә ари амузеи саҭаахьеит, снеицыԥхьаӡа уаҟа
ицәыргақәҵоу, шеишықәс ирхаану ԥсы зхам амумиа ҩанҭ
хьқәа сырзааҭгыланы урҭ ахьгылоу сҿынасхоит, даргь уаҟа
ишгылац игылоуп. Даҽа шьаҿак ааҟарҵар — лашьцарак
иагоит, ари адунеи иахымыз шьоук ракәхоит…
Иаса Қьырса абри алашьцара лашареитәит, аԥсра даиааит.
2017 ш.
МУШЬНИ ЛАШӘРИА
А Ш А Е Ҵ ӘА
АДӘЫҚӘЛАРА
Ҳқыҭаҿ са санмаҷыз, хәылҧазы,
Ԥсыжрак ашьҭахь, ианеимпуаз хаз-хазы,
Лахьеиқәрак сҭааит, азҵаарақәа рҵысы,
Сықәра иатәымыз, изааз уажәазы.
Изакәи ацәеижь? Изакәи аҧсы?
Еимадоу ма иҟоу хаз-хазы?
Иабацо аҧсы? Иамоузеи мҩасы?
Изкапанда уи капангак ала?
Иузкуам-иузышьҭуам унапала,
Убла иабом!.. Иухоума иара аамҭала?..
Аҧсаатә, аҧстәы, аҵиаақәагь хазы
Ирхоума убарҭгьы ҳара ҳаиҧш аҧсы?
Ирдыруама урҭ аҧсра захьӡу?
Аханатә зегь рзыҳәа иаҧу?
Мап, мап, ахдырра иаҭәоуп ауаҩҧсы —
Анцәа иҳамҭак акәны ишьаразы.
Ауаҩҧс иоуп абас аиҧш заҭәашьоу,
Анцәа исахьа зсахьаны ишоу.
Аха ҳзишеи? ҳаззықәузеи адәы?
Иахьагьы сарҭынчуам абри атәы!..
***
«Иҧсы ихыҵит…». Иабацеи мшәа иҧсы,
Ҳгәыла анышә данаҳҭа хәылҧазы?
«уҧсы ухысхып», «иҭысхып уа уҧсы» —
Абас рҳәон, ирҳәоит ус иахьагьы.
Исгәалашәоит аханатә ҽакгьы:
«Сыҧсы уагәӡы!» — сан лахьтә исаҳаит,
Лыхәда аҵаҿ акәын… исызҳаит
Сшагәӡуаз аҭыҩраҵәҟьа, инҭкааны,
Ларгьы убас — сыҧс ахаара ҧшааны!..
Сылхагылан даныҧсуаз аҽны,
Деиқәыскуан са снапала лцәарҭаҟны…
Шықәс ҩынҩажәа сырҭысхьан усҟан, ааи,
Ишысҵәахуазгьы, акала сгәы лҭыҧсааит:
Избоит дшыҧсуа, сызлыхәаӡом акгьы,
Сылҿаҧшуеит дыҭкааҵәҟьа иаҳагьы:
Атыҩ амра шахаҧо хәҭа-хәҭа,
Ишыӡыҭуа иаҿыкәыршо аҭҭа-ҭҭа,
Зны абжа амх, егьи абжагьы — лассы,
Илашьцо-илашьцо, ишахысуа иласы:
Убас лхы-лҿы еицакуан, исцәагон,
Ҩеижьрак, цәышрак ахаҧон…
Ус-ус амра аҵәахит атыҩ!..
Уажәшьҭа аргама исанаҳәон сыхшыҩ
Уи уаҳа дшыҟам, ишылхыҵ лыҧсы —
Сыҧс ахәҭа, зны са сзыгәӡуаз лыҧсы…
Атыҩ ццакуеит, амра ннажьт лассы…
Ицәырҵлашт уи есааира, аҿҳәаразы,
Аха уаҳа иҭалом сан лыҧсы.
Илымҟәыҵабылуан илкыз ацәашьы
Лымҩа ырлашо!.. Игомызт шьҭа лыбжьы…
Аха гәыӷрак ацәаара сахьыҧшуан,
Лыхьӡала ацәацәашьқәа ҳбылуан…
Лааӡаб аргаман зегь ҳзы,
Ҭаацәак зааӡаз, ибӷаз аҩнаҭазы,
Агәра згон ишымыҧсуаз лыҧсы!..
Уи лыҧсы — сара сыҧс ахәҭа,
Еибаҧшаауеит ҧхьаҟа урҭ еиҭа…
***
Аҧсы, аҧсы! — зегьы ирыцкуп иара,
Уи еиҳау акрыҟоума џьара?
Адунеи зегь аҵкыс ихадоуп аҧсы,
Адунеи ҭацәуп — ианаҧым аҧсы:
Лашьцароуп дгьыли жәҩани ирхатәа…
Уи ҭамхарц ауп Аҧсҿыхҩы ишьа зкаҭәа!..
Сааӡабгьы шьҭа ихыжжуа иҭәуп,
Саамҭагь наскьеит, ихәылҧазуп.
Акалашәа иуныруеит, уеимдауа,
Хәылҧазтәи асаркьалбжь игауа.
Ацәеижь акәзар — ишааҧсац иааҧсоит,
Икарахоит… анышә аӡа еимаҧсоит,
Анышә иахылҵит, анышә млашь иагоит.
Ахәаҷа-маҷа ирчысуп, урҭ иртәуп,
Реишәа ӷарым, есааирагь иазыҧшуп:
Иаҧшәымоуп уаҟа, ачеиџьыка карҵәо…
Ҳазну амҩахәасҭа анынҵәо
Мҩак аҧшаауеит, ианылауеит уҧсы,
Ахара иуҧхьоит хәылҧазы…
***
Умаашьан, о, суҳәоит, са сыҧсы,
Имҩасит ашықәсқәа лассы —
Сықәра — уқәроуп, уиит ианараз зны,
Ианҵаауаз аӷьеҩҳәа ҵхагәаны.
Иухьӡеит аҵаа, са сыҧсы,
Агара ушгараз. Еимаҩуазаап асы,
Ирҳәоит, ауыха икаҳаит шьамханы.
Ҳҿынаҳхеит маҷ-маҷ, мҩакы ҳанны…
Усуран иҿызхуаз сгәы-сыҧсы,
Анцәа сишеит, саҧиҵеит уи азы…
Сҩызцәа срыла снеиуан, саашьауамызт,
Абиҧарак среиуан, сгәаҳәа еиҧхьбауамызт!..
Насыҧ сыман енагь са сусураан,
Уи сагеит, сымҵанарсит заа!..
Ак иаҿым деиламгаӡои, ишәҳәа,
Садҳәалан аханатә сцәаҳәа! —
Сыхәылҧазгьы убри ала ишьаҳауп,
Сеиуа ннажьуеит — насыҧуп иреиҳау!
Умаашьан, о, суҳәоит, са сыҧсы,
Иахьанӡагьы икажьуп уи асы!..
Аашьаҩ — деилахоуп енагь,
Уаҵәы ҳәа уеиҳәоит — изыхирҟьалак…
Уаҵәынӡа иҧштәума? Иццактәуп иахьа,
Схы арпашәит иқәҳаз ашәаҟьа!..
Уаала сыҧсы, ҳамҩа — ҳус иатәуп,
Аус ахьҳаҧхьаз ашҟа иццактәуп…
Сдәықәлоит, амҩа сымоуп шьыжьнаҵы,
Аус есааира иахәышәтәуан сыҧсы!..
***
Сыҧсы, сыҧсы, сцәеижь уахадоуп,
Уи абла ҵар, уи ателескоп!..
(Уи ада абсерваториа башоуп)
Сцәеижь азыҳәа сыҧсы — шаеҵә шашоуп!
Исыздырам ҧхьаҟа иҟалаша,
Зны-зынлагь сынҭаҧшлоит атыша!..
Адунеи лагоит, аполитикцәа еиқәҧоит,
(Аҩысҭаа иусқәа наигӡоит…)
Егьагым, быжьрабыжьҵәа иргоит…
Адунеи ҭахаргьы, иҭахом аҧсы,
Ашаеҵәа кыдзаауеит бзанҵы!..
Иӡбан убас — адунеи шахаанӡа,
Амшеикәшара — аамҭа — аҧҵахаанӡа!..
***
Ҳцәеижь еижьагоуп, исабахоит уаҵәы,
Уи ала иҭыӡқәа ҩеигоит даҽаӡәы! —
Абас иҳәоит аҟәыӷа ду Хаиам1,
Иҟоу ауп, ииҳәаз — гаӡарам!..
Ажәытәтәи аҩныргылаҩ ауасхыр
Ус аниҵон (сагьархәыцит кыр:
Саниеит музеик аҟны иара —
Ирыҧшааит археологцәа џьара.):
«Ушьҭахьгьы — ҽа ргылаҩык даауеит!..»
Аргылаҩ ҿыц! Ари угәаҧхар ауеит,
Уасиаҭк иаҩызоуп, ауасиаҭ нагӡа:
Уара ууасхыргьы урҭ ажәақәа рынҵа!..
Ианысҵалон ус иара саргьы,
Иҟасҵоит уи гәахәас иаҳагьы:
Сышьҭахь иааиуа сажәа сымидарцаз,
Суасхыри иуасхыри еимадахарцаз!..
***
Уҳәамҭақәа ԥсра рықәым, Екклесиаст2,
Аҿаҧыцуаҩ, иануҵаз сымҵанарст,
Уажәа — азқьышықәсқәа иргәылст,
Абасала ихацуркит ууаз:
— Иҟац ыҟоуп, иҿыцу акгьы аҧым,
Ҳалаҧшуеит ахаан ҧсахра зқәым:
Амра гылоит, иҩеиуеит, иҭашәоит,
Ауаа ииуеит, абиҧарала иҿиоит,
Иҧсуеит, имҩасуеит, рҭыҧан шьоук ааскьоит,
Адгьыл акәзар — шеишықәса иаҧуп,
Ҳҧеиҧш еилкаауп: иаҳзыҧшыц ҳзыҧшуп…
Аҧша хага цәырҟьоит, иццакуеит,
Ишьҭрақәлоит, ашьапы ахьакыз иаауеит…
Аӡиасқәа еибарсны амшын иазцоит,
Амшын рҭәышьа амам, дара еикәшоит…
Адунеи аҽеиҭакра аҭахым,
Иҟац ыҟоуп, иҿыцу акгьы аҧшным…
Ари ҿыцуп ззырҳәо — иацы иаҧын,
Егьырҭ рхаан иҟан, рымш иатәын…
Ауаа хандеиуеит, икарҭәоит аҧхӡаша,
Рхы дыргәаҟуеит урҭ амала баша!..
Иаанхозеи? Акымзара акы,
Имцурашоуп ауаҩытәыҩса игәҭыкы!
Ҟыба-ӡыбароуп, гәжәажәароуп дызлоу,
Цәыхцәыфароуп иаҧу ауразоуроу,
Далҵрангьы дыҟаӡам, мамоу,
Ҟыба-ӡыбароуп, гәаҭеироуп уи изшоу!..
Ддәықәуп тәашьак имамкәа, дхыс-хысуа,
Акыр иаҧсоума — ииуа, иихыс-хысуа?..
Акыр иаҧсоума инымҵәауа иусқәа
Аҧсра аҿаҧхьа? Иҭацәуп, исабоуп,
Аҧсра заҵәык ауп араҟа ишәагазагоу!
Аха данышәом, ақәҧара даҿуп,
Амра аҵаҟа мшы ҧхарак иҭахуп,
Амра аҵаҟа —
Аҧсҭазаара аҧуп!..
…Аҳас саман стәыла Израил,
Исырҳаит ҵҩа змаӡам амал…
Аха ус, санрызхәыц зегьы,
Избеит ишбашаз, ишаҧсам акгьы!..
Иарбану, нас, ҳамҩаҿ ихадоу,
Хра злан иҟоу?
Аҧыжәара зыхәҭоу?—
Иҳақәиҭу иашьапкра, изхьра,
Иажәа ацныҟәара, азгәышьра,
Изыҧсахша ҽак аҧым ара!..
Уи ҳазлаҟоу идыруеит аханатә,
Ҳаг-ҳабза илаҧшаҿ иазгәаҭоуп,
Иҭаацәа ҳауп, аӡәаӡәала ҳаибарҭоуп —
Ӡбаҩысгьы дҳамоуп! —
Абас ихиркәшоит Ауазҳәаҩ Екклесиаст,
Аҿаҧыцуаҩ, иҵабырг сымҵанарст.
Уи аанхеит, ихаҭа дымҩаст,
Анцәа иоуп иажәаҿ ихадоу!..
Иуаҳауеит арҭқәа, са сыҧсы,
Иугәаларшәа зҿаазхаз асы?..
Ҳарҟьалама иалаҳхыз мҩасы?
Ҳаицрымшәо ҳандәықәлоз шырҧазы?..
Ҳцалар акәын, ҳааӡаб баны,
Абзиабареи аҧхӡашеи еилаҭәаны,
Ҳцалар акәын — ҳџьарымҩа ҳанны!..
***
Издырам ауаҩытәыҩса изыҧшу,
Еиӷьзар акәхап ус аиҧш ахьаҧу…
Ацәқәырҧақәа ирылҵәраауа аҧсыӡ
Иалашәозма ус аиҧш уи аҧхыӡ:
Аӡаҵаҿтәи акаҭ ианҭашәа,
Азнык азы иабеит иара умашәа!..
Гәҩарак амаӡамызт уи иҧхьан,
Ладеи-ҩадеи қьафла иӡсахьан!..
Узбарҭам акаҭ! Аӡсара саҿуп,
Аӡаҵаҟа уҽӡаны усзыҧшуп!..
I
АҦСНЫҞӘА
Мшынла зны, ҳауала — ҽазны,
Хынҳәышьа змам адәыӷба лас сҭаны
Сықәуп амҩа, ҧхыӡлагь иара убас,
Аҧхыӡымҩагь — лабҿаба ацынхәрас!..
Сдәықәлеит, снеиуеит, бзиала сҳәаӡом,
Изасҳәаша рышҟагь сыццакӡом:
Исышьҭалар ҳәа сшәоит сара сахьцо!..
Изгаӡом уахь сцәеижьгьы рҳәазо,
Икаҧсеит, ихеит, ааи, ишхара,
Иаҧсам уи арҿыцра, арххара!..
Уажәшьҭа уаҳа сышьҭахьҟа схынҳәӡом,
Сыззыхынҳәуа, сзызхьуагьы збаӡом.
Аханатә ирысҭеит сгәы-сыҧсы,
Ҽыҧныҳәакгьы сымоу уи азы?
Иреиӷьу сашәақәагь аҧҵоуп,
Абар, иҩашьом, снысымҩа нагӡоуп:
Ишәҭшаз шәҭит, изҩышазгьы зҩит,
Искыз аҿа иҩҭаркәкәа изжәит!..
Шьҭа уаҳа ҿыц аҩызцәа сзырҳауам,
Аҧша иаццаз мҩасит, ихынҳәуам!..
Иахьа иҳәатәугьы иахьоуми ианҳәатәу,
Уаҵәы, уаҵәашьҭахь, уи ашьҭахь ҳәа иҧштәу?!
***
Аҩысҭаа, аҧсхыхҩы, аҧсырҟьалаҩ! —
Усҧырыцқьа, уҵашәкәа, убнала,
Убжьаӡ, убжьаӡ, иҟамкәа ухабар,
Ҽа мҩакы санылоит иахьа, абар:
Ҽа лашарак ашҟа са снаскьоит,
Ҭыҧ уаҟа иумам, умҩа уахь икхоит!..
Уи цқьоуп, икаххаауп, аханатә иутәым,
Уанымызт уи, иахьагьы уаным…
Иабауҭаху? Акала ма уазхьуазма?
Уахь акәым, араҟагь уаҭахызма?..
Уҽаанкыл, са сахьцо хароуп,
Усышьҭаларгьы — иуҧеиҧшу ҭахароуп.
Сыҧс ауп уахь изго, уахь уаала, сыҧсы,
Аҵысхә аиҧш ухиаала, уласы,
Аҧсыҧ иаҩызоу, иласу сыҧсы!
Уаала, уаала, ҳамҩақәа хароуп,
Араҟатәи аҧсҭазаара уаароуп!..
Уаала, сыҧсы, иахьалагаз зегьы,
Иҟамыз ианыҟамыз акгьы?
Ухахьы иааг, иҟан ус зынгьы!..
Уаала, иазхоит, аратәи умш уаҧырҵ,
Ажәеи Ашаеҵәеи ахьцәырҵ
Рдунеи лашахь, рҭыҧ лашахь уаала,
Амрагылара угәаҳәа азырхала —
Иҳақәиҭу ишәахәа ахькаҷҷаз,
Алашара ҧыжәара ахьагаз!..
Уаала, уаала, уахьыршаз ахь, сыҧсы,
Ухьышьҭрала уҿынаха, уласы,
Уаала уҩныҟа! — зыҩн иахыло дгәырӷьоит,
Зан дзыгәхьаау асаби дышгәырӷьо.
Игылоуп уаҟа, са сыҧсы, уа угара,
Аҽакуп убратәи ашьыжь шара!..
Гә-ныҟәара, ҧс-ныҟәара, сыҧсы,
Аҵыхәтәантәи умҩахь уласы!
Уаала, сыҧсы, Адами Евеи рышҟа,
Иҳақәиҭу дахьылбааҧшыз уа зны,
Адунеи анишауаз аҽны.
Амрагыларахь — аҧсҭаларахь, сыҧсы,
Аратәи ахәылҧ — уаатәи шырҧазы!..
***
О, заҟантә ҳаиҿыхахьеи, сыҧсы,
Зны-зынлагь даара ҳаибарҧсы! —
Ҳаибамырцәо, ҳаибашьуа наҟ-ааҟ,
Шьҭыхшьа змам еицышьҭыхуа, ҳаицах!..
Заҟантә ҳалаӷырӡқәа еиҿаҧсеи,
Рбашьа амоуа ҳакәақәа ирҭаҧсеи!..
Сҵәатәы шьаҟа, са сҭынха, сыҧсы,
Дгьыли жәҩани злеибарку рҵысы,
Быжьрабыжьҵәа ҳаҵалон, сыҧсы —
Ҵәҩанҵәы ҳхалон, аҩада, сыҧсы!..
Инсыжьуа арбан са сыҧс аиҳа еиҳау?
Иаралоуп сыхьӡ, сышьҭамҭақәа шҳау.
Уи анызга — изгеит ауп уахь зегьы,
Сышьҭахьҟа иаанымхаӡеит акгьы!..
Иахьа абрантәи сдәықәлара — сцара
Иатәызар акәхап бзиала аҳәара!
Иҭабуп, о, амра ушәахәақәа,
Сырхьугӡон сгәаҳәақәа, сҳәатәқәа.
Иузынсыжьуеит, стәыла, сцәаҳәақәа! —
Ирхылҵит урҭ снысымҩа, сыҧсы,
Уаала, сыҧсныҟәа, унымхан, уласы!..
Саб дзаҵәын, сабдугьы — иара убас,
Саргьы сзаҵәуп, Сажәа — сыцныхәрас,
Схаҭыҧан уаансыжьуеит сара аӡәыс!
***
Ацәаӷәаҩ ахьаҧшрақәа ҵигар,
Ицәмаа шику ишьҭахьҟа дыҧшлар,
Цәаӷәашьас имои? Иҧхасҭеитәуеит ицәаҳәа,
Ицәаӷәацәқәа башаӡа иҵаҳәа!..
Анцәа ишьҭоугь иара убас изҳәа:
Уажәы-уажә дхьаҵуа, ишьҭахьҟа дыҧшлар,
Агәыҩбарақәа дхыхны дыргалар —
Иицәаӷәаран иҟоузеи ара?
Ибарыма ажәҩан Аҧсҳара!..
Абаа зыхьчо рбааш ныжьны ианыбнала,
Иҭацәыз абаа аанымхауеи ахала!..
Ақәыц-мыцқәа, амаӷра ахыҵәоит,
Аӡырлашәқәа, амаҭқәа ирҭыҧхоит,
Аҧшеи ақәеи рхылауеит аҧшәымас,
Иеилаҳауеит, ииаӡаауеит ирлас,
Аӡәгьы ара дахымызшәа ахаан,
Узызхәыцша маҷу арҭқәа раан?..
Ахаҳәқәа шьҭыхуа урышьҭалар зегьы,
Иргәыдҵауа уаагьы ҧстәгьы,
Угәыхәтәы уахьӡом иахьагьы уаҵәгьы!..
Сышьҭахьҟа схьаҧшлауан саргьы:
Лашьцаран иҟаз, изымпыҵакыз зегьы…
Сшаҟьон, сыгәжәажәон, ицәаакуан сыхчы,
Алашьцара салҵуан хәыҷ-хәыҷы…
Нцәа дызмам, дхазымҵо Анцәа,
Рыҧсы шҭоугьы иреиҧшуп урҭ аҧсцәа,
Аҧсцәа анышә иарҭалааит рыҧсцәа3 —
«Уара уаала…». Абас иҳәеит иаахҵәа
Иаса Қьырса агаҿаҟны зны,
Иҵаҩцәа руаӡә даниҧхьауаз аҽны…
Шьҭа абас ауп, иҟаӡам ҿааҳәра,
Ҳазҧырҵыз — дара-дара еибабап,
Русқәа — Иҳақәиҭу ибалап,
Ибзои иҧсуи Иара еилиргалап!..
Уи дахьыҟоу? Ихарам, иеилкаа:
Умши уҵхи дрылахәуп, дыҧшаа!..
***
Уаала, сыҧсы, ҳазлоу амц ааныжьны,
Уи ауп иаҧу инеиужь-ааиужьны:
Уи ҳашьаҳаит, акаҭ аиҧш ҳагәылоуп,
Ҳшеибарку, ҳшеибыҭоу иаралоуп.
Агәра ганы иуарҳәо узаҧылом,
Маанак-маанак зҵамгьы ала-мала
Иуаҳарц иҟаӡам арала,
Мыцралоуп, ааи, ишылбаауа, ишхало!..
Уизыҧшы, дубарҭоуп лабҿаба:
Ҟәардәк изхоума? Дрықәтәоуми ҩба —
Иҽыхәа ццышә аҧшь-шьапык чаҧа!..
Имаҷӡами? имыцхәума хҧа?..
Еиқәтәашьак ыҟам, иааҧсом рыҽқәа,
Еибарҧсуеит аҧхьахә еимакуа —
Ирымҵаҧсоу абаҩқәа ирзыҩ,
Наҟ-ааҟ дара-дара еиҧхныҩ! —
Изеихьӡом, — ишнеиуа иеихҟьашоит,
Урыҧгылар — иухыст, удырхәашоит,
Рымц уҧгылоит, уҵабырг ҭадырхоит.
Иеишьҭоуп — ишеишьҭоу ацәқәырҧақәа,
Ирышьҭоуп ахаҳәқәа, алапҟьақәа…
Иреиҧхыӡуеит аҭыҧқәа, ацаҧхақәа…
Амҩа рыҭ ауаа млашьқәа, агәыҳәқәа! —
Иаанызкыло ыҟам аҟәҟәақәа,
Аанда рбоума, инеиуеит еиханы,
Есааира иҧхеибаҵа, еибажьо,
Мап иҟаӡам урҭ рзыҳәа иҧшьоу —
Ари уацәҩашьоума, сыҧсы,
Урылашәон иахьеишьҭаз еибарҧсы!..
Крымфаӡакәа имычҳауеи мызкы?..
Мыцҳәарада изыхгом мышкы!..
Уи ҧшаатәума? — иҭиҳәаауеит ихы,
Амц — иҩыза гәакьа, иҭахы!..
Арахь ак уеиҳәоит, иҟаиҵоит ҽакы —
Имц баҩхатәра, игәаҳәара ҵакы!..
Асабрад иҿоуп — иҿоуп ахаҿҭырҧа,
Уирҩашьоит ауми лабҿаба!..
Амацасҩы убасшәа уиҟаҭәоит
Маанак уаҳа иҵамшәа џьаргьы:
Инапсыргәыҵа ҟьаҟьаӡа иаартны —
Инацәкьарақәа рхахан иуирбоит,
Даргамоушәа иҽыҟаиҵоит, уижьоит! —
Иҭәуп иҧсҭазаара мыцла —
Ижьала, агәнаҳа еизгала!..
Амц пирамида — ҳаракӡоуп,
Ажәҩан иаҵакьысуа иҩаскьаӡоуп,
Ахаҳәқәагь — мцурашала еиқәҵоуп!..
Амцҳәаҩ имц ала-мала инҵәом,
Аҵабырг аниҳәогь игәра ргом!..
Амц заҧу — иаҿаҧырҽларц ауп,
Ауаҩҧсы дарҟьалоит, имцуроуп!..
Ацәгьа-мыцәгьа аршара, аура,
Иҟам-ианым ахәыцра, аҧҵара!
Инапыдоуп, ишьапыдоуп амц,
Аха иннакылом абаа-ҭӡамц:
Нап змоу, шьап змоу дахьӡом,
Жәлары ирылымсыкәа ихынҳәӡом!..
Лымҳа ахьыҟоу инаӡоит иара,
Гәашәк ахьҿоу — иҟоуп аҩнра!..
Ауаҩы дзырҩашьо ыҟоуп зқьы,
Аҵабырг ауп ирхадоу зегьы.
Ауаҩҧс иаҵкыс иара акыр еиҳауп,
Уи аныӡ — дымҵәыжәҩадоуп, дшьаҳауп.
Иаци иахьеи ицәырҵма ажьара?
Аханатә иаҧшәымахеит ара —
Ҳабыз иаҧсҭазаароуп — иаҧсуп,
Ҳабыз иациит, ишыбзац ибзоуп!..
Еихаҳшьалап абраҟа уажәазы:
Гәнаҳа змам дузыҟьашьуам бзанҵы,
Иаҧызааит аҵабырг абзырӡы,
Уақәшаҳаҭха, уазыразха, сыҧсы!..
***
Антихрист — аҵабырг аҿагылаҩ,
Иҳақәиҭу иабашьҩы, иҧгылаҩ,
Уажә аакьыскьа иӡбахә ҧымҵәо ирылаҩт!
Имцуп, уи дыҟам, дызбахьада уҳәама?
Сара дызбеит, ҳаиҿаххит аргама!..
Ҩашьара иқәу? Ауааҧсыра раахәаҩ,
Амц, агәаӷ, ацәгьа-мыцәгьа рхахаҩ!..
Уахгьы ҽынгьы ддәықәуп иҽырҩашьа,
Иҵаруп, улбаанадоит иҧшышьа:
Иҭахуп, изыразым дрыгәҭасны,
Амчра игарц ишьаҽуа, имҵарсны!..
Ауаа еиниҟьоит, еилеиҵоит хыла-гәыла,
Амчра игар — «иџьанаҭитәуеит» атәыла,
Амчра игар — иреиӷьу «аҧхьагылаҩ!..».
Аха дзакәу? Агәырҟьалаҩ, аҧсырҟьалаҩ!..
Ауаа рӡыӡо адгьыл рыҵацалаҩ!..
Аҧара ахьыҟоу ауп иара иҧсадгьыл.
Иуҭаххап абџьар ума уишьҭал,
Дузахцом уа, ишьап зны ианкыдгыл!..
Жәларык имоуп рыжәҩақәа ҭҟьаны,
Мцурашала иргәыӷуа, иҟаҭәаны.
(Урҭ ирылам иӡбахә узҳәару?
Ирҳәауа аҩызагь узҳәару?..)
Аҩысҭаа абџьарла уи деибиҭоит,
Иаҩысҭаа-ҧс деигӡауам, уахь ииҭоит…
Иҭацәит ҵак амаӡамкәа ажәа,
Абри аҩыза ес-иаашар уанышәа!..
Акьыҧхь, арадио, амикрафон
Ааихәон шьаҭанкыла, имц дирҳәон.
Иҳәынҷоуп амилаҭ телецәаҳәа,
Ухаҵазар уаҿагыл, ак ҳәа!
Аҳауа иалоу алызхуа ес-ҽны
Уахь имҩа ныркылт, днарышьҭуам арҿиаҩы!..
Игәнугон уи, сыхаара, сыҧсы,
Рбызшәеи убызшәеи ирыбжьан аҭӡы!
Амашьынақәа еишьҭан… Ауаа рынхарҭа
Ирҭаауан — уакәын рымцҳәарҭа,
Ашҭақәа, азалқәа — урҭ ржьарҭа!..
Ателекамера — аханатәтәи рҽыхәа,
Уахь ирыцын, иҟам изыҧсахуа! —
Абар, аа, дрылахәмарт жәлара,
Иеиҿаиргылт, ирықәым еиҿаҧшра,
Қыҭа-қыҭа еиҟәшо, ана-ара,
Ақалақьқәа — убас… иубом кҿаҩра
Уи иҿкы ахьынамӡаз џьара!
Ирацәоуп иазыӡырҩуа ичамгәыр,
Аӡәаӡәала иаҿашәоит иҵәгәыр!..
Ишьҭаҧалоит, ицәнымхо, рҽыхәжәауа,
Нада-аада еиҭаҧо ауаа…
Ацәҟьара кыдҧаа игароуп, дыццакуеит,
Аҽурақәа шахабаала икуеит!..
Ма аиааира, мамзаргьы аҧсра!..
Абас аиҧш ала деибашьуеит абра…
Дыртәыртәит аиҵашьыцрақәа, агәаӷ,
Данылароуп, ҳаамҭа аҭоурых,
Икызароуп амаа ареопаг5,
Анцәа диҳәоит: «Уи ахәашҟа снаг!..».
Ихьӡ ҳәатәума? Ицәыргаз ихаҿра,
Абар, Мефистофель6 ихаҭа!..
Иҿыҧшыларагь — аџьныш илакҭа!..
Мефистофель иакәзаргьы, еилкаауп:
Дулаӡоит, иааихәауеит уҧсы —
Зны ишааихәаз Фаустгьы7 иҧсы!..
Дфырхаҵахароуп — Афырхаҵа днаигәҭас,
Ахада иҭыҧангьы — Хадас!..
Лассы икаҩроуп иӡбахәқәа нароу,
«Имцуп» — изырҳәахьоу ауоу!..
«Исыдгылам са дсаӷоуп» ҳәа ишьа,
Диабашьуеит, дықәихуеит иашьа!..
«Сганахь иҟоу аханатә дыхьчоуп!» —
Ибашами, урҭ аргама ижьоуп!
Азакәан-ба? Иҭоуп иара имакәан!..
Амакәан атә акәзар, иаумақәан:
Иҭоуп убра араӡны, ахьы —
Ишиоуз дырым, имоуп хәдацәахьы!
Иааимхәода? Уара, сара, егьи…
Амакәан ҭацәышам уахи-ҽни!..
Ауаҩ изин-ба? Иабаҟоу, иафеит мым,
Иааӡаанӡа иазныҟәеит ишакәым:
Иҧсымкәа-ибзамкәа ианыршәлоуп џьара ақьаад,
Руссо, ҳусқәа араҟа иҽеим, дад!..
Саҭоумҵан, аҧҟараҧҵаҩ Руссо8,
Иззымдыруада уҧҟарақәа зыҧсо?
Аха акгьы имыхәаӡеит иҧссо:
Мал змои измами еиҟарам,
Уи аҭыҧ ақәҵарагь мариам!..
Акылҳарақәа араҟа ирацәоуп,
Ак аҵкыс ак еиҳа еицәоуп…
Ахатә мал иахьакӡоу аҳра,
Азинқәа ахьаҿу аҵыкәкәара,
Аламыс ахьыҧхаҵоу хара
Насыҧла нхашьа роурыма жәлара?..
Аӷаруаҩ дахәаҽуеит иӷарра,
Акгьы ихәом дзеигәыӷуа аҳәынҭқарра!..
Шәахтәк ауп иршәо аӷар уаҩи абеиеи,
Еиҟароушәа рыҧхӡаша бааҧси ироуеи!..
Уаҧсҵәык ауаа иркуп атәыла амал,
Измоуи измами ирыбжьоуп асал!
Игәнугон урҭқәа, аханатә, сыҧсы,
Дрыцҳаушьон бӷа змамыз ауаҩҧсы!..
Аӡәаӡәала раахәара мариоуп,
Халагас иҟоугь убри ауп!..
Ихәоит агәырҟьалаҩ, аҧсырҟьалаҩ,
Ауаа рӡыӡо адгьыл рыҵацалаҩ!..
Аӡбахә имоуп есааира ареформа,
Амала баша иахьа имаца хәмарма!..
Ахалараз — иҭиуеит иҧсы,
Дрылоуп гәыла-ҧсыла деихаҧсы…
Ицымгылт дызлоу ргәыбылра,
Дрыдрымкылт — ицәшәоит ауп ус иара,
Иашьҭоуп есааира ицырҟьак,
Ирыгәхьаам агәнаҳа, аҳақ…
Дуҧхьоит уаҭаарц иаҳҭынра?..
Сыҧсы, о, суҳәоит уицәгыл хара!..
Нкылашьа имам, ихоуп иара шәы-ҧсык,
Агәылшьап маҭ, изхагыло жә-хык!..
Данбатәиу? Дақәлоуп адунеи,
Аха уажәык иаҳәа ццышә цеи-цеит!
Иҟьоит, еиҭеиҟьоит, алашьцара Аҧсҳа,
Алымҳаи аблеи змоу ижәба, ишәаҳа!..
***
Уаала, сыҧсы, уаала абарҭқәа урылсны,
Иузынхааит уззышаҳаҭыз хҭысны,
Сеилаҳауам урҭ ҩаҧхьа рҿаҧшра,
Избац роуп, урыцәгыл хара!..
Иреиҳау ахь, иҧшьоу ахь уццакы,
Иушьҭоу аҵх еиқәара амҩа кы!..
Аӡоуп еснагь аладаҟа ицо,
Уи иаццо — хара дызцом дыӡсо,
Аҵахь ауп иахьихо, дымхынҳәӡо:
Уи мариоуп, ақәҧара иатәӡам,
Хланҵ алеира — џьабаак аҭахӡам!..
Аҩада — иаҭахуп аҧхӡы,
Ԥхӡашала, ааӡабла, са сыҧсы!
Ашьха ақәцә ихалауа — дзаҵәуп,
Икәша-мыкәша адунеи ҭацәуп.
Имариазар аҩада ахәнара
Уахь ашырҳәа имхалауаз жәлара!..
Изаҵәуп аханатә Ерцахә.
Уаргьы узаҵәуп: узаҵәрахь урых —
Уи ҩаӡароуп, уантә егьырҭ урыхә,
Ураҧыза — илашьцоу лашаратә!..
Узаҵәым — Иҳақәиҭу дызцу,
Уи идоуҳа, уи иҧсы зыҧсу!..
***
Ахьӡ-аҧша ихнахызгьы рацәами,
Дара ртәала урҭ араҟа инцәами —
Рыхқәа шьҭыхуп аеҵәақәа рҟынӡа! —
Ҟазшьалагьы — иадкыла ашьанҵа,
Ашьанҵа — шьанҵоуп, иҵарӡа, иҩанҭхьӡа!..
Ауаҩ ҧагьа дизыхгом аҧагьа —
Изычҳауам иажәа анилакьакьа!..
Цлабҩы димам, ихоуп енагь дзацлабуа,
Зегьы дышрылыҳәҳәо ҳасабуа…
Аҧагьацәа — ҽыжәуп, ишьаҟауаам,
Уареи сареи ҳаха урҭ ироуам!..
Гәылаҵас рашҭа-гәара узҭалом,
Узрыдтәалом, рааигәа удыргылом,
Нааларак, ҟәымшәышәрак рыдубалом,
Илбаауам урҭ «ажәҩан» ала-мала!..
Икақәхеит, алапҟьа шкақәхо,
Иашьҭам, ирыгәхьаам еиқәзырхо!..
Ахышьҭыхра, ахҩахара, уаҩ ицу,
Урҭгьы убрахь, ирылаҵа иаҳшьарцу?
Мап, мап, рцәаҩа, рыԥсабара ус ауп,
Ԥагьарак анрылам даҽа усуп!..
Са сырҿуп ари аҧсҭазаара иарҧагьаз,
Иаҧсоу даҧсоуп, аҽхарззала унаскьагаз!
***
Ачеиџьыка змамгьы — аҧсы-бза,
Иӡбахә ҩажәак уеимхәыц иахаҧса,
Уааҭгыл, сыҧсыхаара, сыҧсы!
Амҩа иқәу, иҿажәкуа ауаҩҧсы,
Ианлеиуа акырцх, ианхымкәо ақәа, асы,
Аҟаршоура ианыҭнахуа иҧсы —
Ҭынхаҵас иҧымлауа дуаҩу?
Ихҳәаатәузеи? Сақәшәауам иҩтәу!..
Ажәытә — ажәытәӡа: ирхыбуан аҩнқәа
Џьыка хышла… Илеиуамызт ақәа.
Ԥшасуамызт.Ирыздыруамызт асы.
Амшынгьы ҵаамызт…
Ус зны, шырҧазы,
Ԥҳәыс еибак лгәыла иашҭа дҭалт,
Иаргьы убра агәашә аҟны дылҧылт.
— Бзыргәаҟуазеи?
— Уаҧсҵәык аџьыка!..
— Сыҩны ахыб иақәу сырбгарыма?
Мҳаҵәк аџьыка азыҳәа иҵысшәаарыма?..
Иашҭа дҭицеит аҧҳәыс еиба аргама!..
Илаҳазгьы ус дзанышәауама?..
Ахаҳә шкәакәа днықәгылеит лыҩн ашҭа:
— Иҟамлааит сгәыла каџьбеи ишьҭа!
Аси ақәеи леиааит дахьынхо,
Иџьыка хыбрагь ырӡҭуа, иҭархо! —
Абас дшәиит уи — агәыҧжәара лиааиуа.
Иара уи акәхеит! — акырцх, асы, ауеиа.
Ауеиа бааҧс, зеиҧш ҟамлацыз аиуа:
Иҟам уаҳа агәыла инхарҭа аиуак! —
Иагеит амшын ахь — иқәаны, иӡны,
Аџьыка иалхыз акаџьбеи иҩны!..
Убасҟан ауп амшынгьы анҵааха,
Аҭырас хыбгьы раҧхьа ианаҧҵаха!..
Агәыла иакәзар — зџьыка хан лашоз,
Иқьаҧҭахеит илҩаҵә ҩада иахьцоз:
«Мҳаҵәк аџьыка иеигӡаз дахьынхоз!..».
Иахьанӡагь иҟоуп, ирацәоуп урҭ реиуа,
Иҳалагылоуп, ана-ара, инеи-ааиуа.
Иарыхьҭшьуеит, ирыхьызшәа ашыӡ:
Ҟәрышьк ршәом адунеи зегь бгаргьы,
Иаҳхагыло ажәҩан кыдыбгаргьы!..
Ирызҳәом: «Аҩныҟа умҩахыҵ!»,
Ирызҳәом: «Еиҩаҳшароуп ҳҿаҵа!» —
«Абар, аа, иудысҵоит сжәҩахыр,
Сџьыбаҭыхгьы сеигӡауам, идыр!»
Рыуаҩра, рынамыс еицакуп,
Рхан ӷьазӷьазқәа џьыка хышла ихыбуп!..
Ирзауеит есыуаха ақәа —
Иҟам ала-мала ихкәауа!..
Ачеиџьыка анаҧшьгахаз иахьоума?
Аныҳәаҧхьаӡгьы ацуп, имаӡоума?..
Абаа иаҩызоуп — ӡи-мцеи ирызгоума!..
***
Ашьыцрақәа рдунеи лашьца — еицәами,
Ауаҩҧсы дыҧхасҭазтәуа ауми!
Иҳалоу ҳалнахт, ҳгәы-ҳаҧсы зегь ҭыфаа,
Ҳамоуп уахгьы-ҽынгьы ҳарӡыфа…
Иҳацгылоит шьыжьы, иҳацышьҭалоит,
Аҵабырг иахабабоит, идырҟьалоит.
Убзырӡы анга, уаналкааха акала
Рҿаархоит анс-арс ак уҵагала…
Зехьынџьара — зегь рацлабра, раҧысра,
Зехьынџьара — аҭыҧ хада амҵарсра —
Ԥсыс ирхоуп аҳарамра, ашьыцра!
Аҳәысҭа ишахыҵәо аиҧш аҳәира
Адунеи ркуп аҧсықымқымра, ашьыцра!..
Еиӷьны инхаз — дилаӡом ашьыцҩы,
Иаҧызгауа — дилаӡом ашьыцҩы,
Уиҭиуеит ашьыцҩы амаҷ азыҳәа,
Уиҭиуеит — араӡны азыҳәа…
Насыԥ имоуп, урҭқәа зашҭа иҭамлаз,
Ртыша лашьцахь аҽны шьыбжьон ибӷамлаз!..
Знысымҩа инаҭауа агәахәа,
Насыԥ имоуп, иҵҧраауеит иҽыхәа!..
Бзазара имоуп, дныҳәоуп, ааи, уи ауаҩ,
Иҽыжәу дреиуоуп, имҩа ҭгоуп уи ауаҩ!..
Дыҧсуеит ашьыцҩы. Ашьыцра ҭахаӡом,
Ҳара ҳажәыргьы — иара ҿоуп, иажәӡом!..
«Иреиҳау дарбан?» — еснагь уагоит атышахь,
«Сара сзеицәада?» — убригь — убрахь, анышә ахь!..
Заҟа жәлары, уааҧсыра ҭадырхазеи,
Заҟа тәыла, ҳәынҭқарра цҟьа-шәҟьа иргазеи,
Макьанагь заҟаҩ рымҩа иазыҧшузеи!..
Иреиҳау? Уеиҳазароуп намысла,
Ушрылмыҳәҳәо ырҵабыргуа усла,
Иҳақәиҭу иџьармҩа уанысла…
Иаҳхашҭрыма Иҳақәиҭу иҿырҧштәқәа?
Иӡәӡәауан аӡәаӡәала ршьапқәа
Ицныҟәоз апостолцәа — иҵаҩцәа,
Арахь зегь рымаа заҭәашьаз Анцәа!..
***
Ачарҳәаҩ иакәзар, дыҟами Иуда!
Ари узалацәажәоума уи ида?
Адунеи иахыз, ирылаз гәыбылрада,
Аҩысҭааи амаҭқәеи иҽрыҭа!..
Иабаихәеи? Уазҵаа икнаҳау ашаха,
Уазҵаа аҵла амахә аӡа хаха:
Иҽанишьуаз днеины дызхьынҳалаз,
Убраҟагь наӡаӡа икынхалаз!..
Ирацәоуп аханатә уи иашьцәа,
Ирызҳауеит есааира, рҵыхәа ҧымҵәа:
Урықәгәыӷны ӡык уара узҭалом,
Аламала рыбла узхыҧшылом,
Урыцны шьха ҩаӡарак узаҿалом,
Дахьҭаирхаз Мзауҷ хәымга Наҩеи,
Иахьиқәшәиуа уаҟа ҿаҩеи хреи —
Иуаӷеимшхароуп ачарҳәаҩ идунеи!..
Иҽиҧсахуеит, дҵәыр-ҵәыруеит иара,
Ахаҳә иаватәо амаҭ аҧшь даҩызоуп,
Маӡа убраҟа дуцҳауеит иаразнак.
Дызлаҟам арбан?
Иуадаҩуп аҳәара!..
Дызҿыу еицгәарҭахьеит ара:
Илымҳа кыдҵа ашәаҿ аӡырҩра,
Ианшәарҭахо — ахьаҵра, аҽӡара…
Аха ҩашьара ақәым ихаҿра,
Ҩашьара ақәым иаархоу имҳәыр —
Ачарҳәаҩ — аҭиҩы имҳәыр!..
Иацы дивагылан жәлар рҧыза,
Зтәыла-ҧсадгьыл алызгауаз амца,
Дыҟазма уи иҿаҧхьа дгәамҵуа?!
Диашьапкуан, иҽкажь, асаараҟынӡа…
Иахьа диаӷоуп, иҿагылауа драҧыза!..
Ак иаҧсам — дижәлоит ак иаҧсоу,
Уи ала идирдырроуми дзыҧсоу!..
Мардуан-мардуан аҩадаҟа дхалон,
Мардуан-мардуан аладаҟа дҭалон:
Ицәаҩа зцәаҩаз шьоукгьы идиҧхьалон,
Дызцәымҩашьоз ҧсыҽрак рыдибалон,
Ушәхымс иахумыжьша ишьҭеигалон…
Иқәҧара акәзар — ус «ибаша-машам»:
Иахьӡын уи ажәлар зырӷьацаша,
Атәыла ҭызго аусқәа ҧхьаҟа изгаша! —
Ахьӡқәа маҷу ас уздызыҧхьало?..
Абз иаҳәац аҳәон, ибзын, баҩ алоу?..
Амҧын иҟаӡамызт жәлар рыгә иалоу!
Ачарҳәаҩгьы имами бӷакы,
Ала-мала дузаргом акы,
Дарҳәазоит дызмадоу ӷбакы:
Зны иӡааҟәрылоит, иҩхәыҵыззоит ҽазны,
Ихәыҵымҵыр еиӷьзаргьы, ҵаны!..
Икәша-мыкәша тышоуп, нҵәара зқәым,
Уи дахьыҟоу — иҟоуп џьаҳаным!..
Гәӡрала Иуда Аҧсҿыхҩы диҭиит,
Аибагәӡра — иахьеи иаци имиит!..
Арҭқәа акыр ихьааугон, сыҧсы,
Умҩақәа ирыцын гәырҩасы!..
***
Аҽхәара акәзар — иамоу шәага-зага?
Чҳашьак аман иҟоу агәыргага?
Ес-иаашар абас ала абақьра?
Инаӡоит уи ажәҩан акьышә-кьышәра!..
Аҵабырги амци еиларҩашьоуп,
Кашырроуми, аандақәа еиужьуп!
Агаӡареи аҽхәареи еилаҵәеит,
Ирзыӡырҩуа — дынҭаҳәахаа ддырцәеит!..
Шәынтә ирҳәахьоу даҽа зқьынтә игон…
Ҿыц еихадыргылон Вавилон!
Уахгьы ҽынгьы, уахгьы ҽынгьы — акы,
Ак зҳәаша, изҩыша рҿы ҩаркы!..
Иарцыгәит, иаҿеит ауаа рхаҧыцқәа,
Убасҵәҟьа ихазыноумашь аусқәа?..
Итҟәацуеит, аа, егь агым аекран,
Арадио акәзаргь —
Амҩа каххаа иган!..
Иаахәоуп иахьа ирҳәо абзырӡы,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Ашаеҵәа - 02
- Büleklär
- Ашаеҵәа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3239Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашаеҵәа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3260Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашаеҵәа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3286Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашаеҵәа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3281Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22540.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашаеҵәа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3234Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашаеҵәа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3209Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашаеҵәа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3249Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22870.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашаеҵәа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3194Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашаеҵәа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3395Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашаеҵәа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3390Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Ашаеҵәа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 462Unikal süzlärneñ gomumi sanı 3990.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.