Latin

Ашаеҵәа - 05

Süzlärneñ gomumi sanı 3234
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2277
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иара ишьҭахь — даҽа шьак мыцхәуп!
Ак нагатәым абааш ахь, иҟаауа,
Џьмеи уасеи ршьа убраҟа икаршуа...
***
Аусқәа цәгьоуп. Иеизеит Асинедрион31,
Ус иныжьзар — амшаҧ еилахәон,
Иаса Қьырса иразҟы рыӡбон…
Иеизеит, абар, атәыла ахадара,
Хынҩажәижәаҩык алахәуп иара,
Иҟоуп аӡә данацлауа зынгьы,
Абасҟаҩык роуп — ҧасагь, иахьагьы.
Аха рзинқәа акырӡа иҿаҟәоуп,
Изҿаҟәазгьы изхьыҧшу римаа роуп —
Ашьра аус знапы иаку урҭ роуп!
Уантә енагь ирықәмчуеит имшаҭ …
Рим ахьӡала ара дахыуп Пилат,
Уи иоуп ашьра — акыдҵара змадоу,
Ԥсахшьак амам Рим иӡбоу, иҳәоу!..
Аҧхьаҧшьацәа, убас афарисеицәа32,
Урҭ ӷацәас измоу асаддукеицәа33,
Зинла иалхны иҟоу аиҳабацәа,
Ашәҟәыдырыҩцәа… Ирымоу ҵыхәаҧҵәа?..
Иаса Қьырса енагьтәи иаӷацәа!
Иахаҧоуп, иркуп Асинедрион…
Анс ма арс ргәаҳәа иадыргон!..
Каиафа34 иакәзар — араҟа дхантәаҩын,
Аҧхьаҧшьаҩ — илшара ӷәӷәа аҧын,
Иаса Қьырса изыҳәа дҭархаҩын!..
Абар иара дыззықәҧоз аханатә:
— Зықьҩык еиқәхоит дрылгазар аӡәы,
Ауаа мҩахызҟьо, ирылазҵо аҵәы:
Аӡә дрылгатәуп — ауаажәлар хьчахартә.
Аамҭа цеит ичҳауа ҳшыҧшыз,
Идац-ҧашәқәа ыҵҳәатәуп Иисус —
Еизыразын дара зегь абри аҿы,
Ирықәшаҳаҭын меижьарада рҿы!..
Асинедрион иақәнаҵоит абас:
«Иаса Қьырса иҧшаара, икра,
Иахымгакәа икыдҵара — ишьра! —
Абри атәы изнагатәуп Пилат,
Ҳиқәымчып, ма ҳагәӡып икалҭ!..»
Агәаӷ, ашьыцра иркуп араҟа аҳра,
Аҧсы дзыргылаз иқәырҵеит ашьра!..
Иаса Қьырса дшәарҭахеит еиҭа,
Ишьҭа ихыуп: «Дҳацәцарым уажәшьҭа!»

(Иқәырҵеит Лазаргьы ашьра,
Ианармыжьт Иҳақәиҭу ирҽхәара!..)

***
Анцәа Иҧа, Анан лыӷраҭша,
Анцәеи ауаҩытәыҩсеи рыхша —
Ҳшыҟоу дыҟоуп, ааи, ҳашшоу аиҧш дшоуп,
Иауразоуроу дуаҩҧсуп, аха Дынцәоуп.
Дҳазгәакьоуп Иҳақәиҭу — Анцәауаҩ,
Аҧсҳара, аиқәырхара рзықәҧаҩ,
Аҩысҭаа иаӷа, уи иҿагылаҩ!..
Дынцәамзар — дизыргылозма аҧсы?
Дуаҩызар — еицаҳтәуп ибзырӡы!..
Ибӷа ҳамоуп, даҳхылаҧшҩуп Анцәауаҩ,
Агәыраз, асысымҟаа, аҧсаҭауаҩ,
Зхы ҳақәызҵо, Ҳаиқәзырхо, Ҳагәшаҭаҩ!

***
Гефсимантәи35 аҵх — ҵхык уаҩызам,
Уаҧхьа игыло думбауа илашьцоуп.
Еҵәала иҭәуп, ирыҧхуп ужәҩан аҵа,
Аҳаҧ аҿаҧхьа шьоук хазы еилатәоуп…
Елеонтәи36 ахәаҿоуп. Уахынлоуп.
Ахәшаҵлақәа Рышьха ҳәа иҧхьаӡоуп.
Иҵаҩцәа иман арахь лассы-ласс дааилоит,
Аныҳәарҭа баашгьы ара иааигәоуп.
Кедрон леиуеит — аҽҽа-ҽҽа, еихьымӡо,
Уи Амшын ҵаа ашҟа амҩа хоуп.
Бзиа ибоит абри аҭыҧ Рҧыза,
Ара еиҭаҳәашьа амамкәа иҧшӡоуп!..
Иаса Қьырса дҭынчым. Уа днарылҵит,
Шьаҿақәак абаҳчашҟа днаскьеит.
Иубац иакәым! Убас игәы ҭаӡыӡоит,
Изыҧҵәоу аҿҳәара ааигәахеит!..
Дшьамхнышгылоуп! —
Ҽакала игәы иауамызт,
Дныҳәоит длаӷырӡашо, Анцәахша!..
Уажәшьҭа уаҳа аџьшьхәқәа ҟаиҵомызт,
Мап ацәикит ижәҩантәыз имч-илша!..
Дцәажәом уаҳа уи маана бызшәала,
Шьҭа уаҳа диргылауам аҧсы.
Иҵаҩцәеи иареи неиуам шьҭа гаҿала,
Издырхиоит дзырҭынчуа акәылӡы…
Абринахыс уи ҳара зегь дҳаиҧшын,
Дыхьчамызт уаҳа џьара акала Иара.
Диҳәоит Иаб: «Сацәыхьча, о, исҧеиҧшу,
Ари аҿа саҩгазааит хара!..
Аха иӡбазааит Уара угәаҧхарала,
Сара исҳәо алакәым, мамоу!» —
Диҳәон Иаб имцаҧшьу гәыбылрала,
Еиҭаҳәашьа амоума ицроу!..

Иҵаҩцәа ыцәоуп уаҟа ахыр-сырҳәа,
Иадиаалоуп ҧшьаала аҳаҧ аҭӡы…
Иреиҳәоит ус: «Шәышҧацәоу мшәа, о, шәныҳәа,
Алашьцара иаламхарц шәыҧсы!..».
Дшьамхнышгыла дгылоуп ҩаҧхьа иҭыҧаҿ,
Жәҩануп уи игәыӷра, игәыбылра.
Диҳәоит Иаб: «Сацәыхьча, о, исҧеиҧшу,
Ари аҿа саҩгазааит хара!
Аха иӡбазааит Уара угәаҳәарала,
Сара исҳәо алакәым, мамоу!» —
Диҳәоит Иаб, имцаҧшьу гәыбылрала,
Еиҭаҳәашьа амоума ицроу!..
Иҧхӡы каҭәоит, шьоуп уи, кәарма-кәарма,
Илыжжуеит, ихигауа мбатәуп.
Иаб ишҟа иныҳәаҧхьаӡ наӡама?
Инаӡа-имнаӡа иуазажәа даҿуп!
Инаӡар — ицон ҽа ҧҟарак ала,
Усҟан — иҧсҭазаара еиқәхон.
Аха инхар, Ишану аиҧш ала,
Голгофаҟа Иара ихы дырхон!..
Дныҳәоит Уи, иҿы ҭабо, дазӡышо,
Идыруеит ишааиз иҿҳәара!..
Диҳәоит Иаб: «Сацәыхьча, о, исҧеиҧшу,
Ари аҿа саҩгазааит хара!..».
Иныҳәа далымгацызт: агәгәа-гәгәаҳәа,
Жәларык иқәлеит, абар, аа, ҵхагәаны!
Урҭ еицын, абрагь дрыҧшаауазшәа,
Рцәашьоуқәа жжа-жжаӡа ирхакны!..
Иуда дрылан. «Абар, абри иоуп» ҳәа
Иигәӡыз — ицыз дыдирбон…
Дырган уи: Иҳақәиҭу игәӡарала
Иуда абраҟа чарҳәара иуит.
Драҧырцеит Аҧсҿыхҩы, деидҿаҳәала,
Дрыццеит — ҿагылара имуит…
Иҵаҩцәа ргәы ҭыҧсааит уа, ишәаӡыӡеит,
Дҳахьчоит ҳәа рҽазыркзаргьы убра…
Ддырбаандаҩит Рырҵаҩы, изыхӡыӡоз,
Ишьҭан, изыҧшуан хара-хара!..

***
Сахыуп ари абаҳча уажә абраҟа,
Гефсиман! Изгауам агәра!
Аҧа Аб дахьиҳәоз, иҽыргәаҟуа,
Иаҿуп азқьшықәсқәа рцара!..
Ихаантәи ахәшаҵлақәа срылоуп,
Ҵлак жәаҩыуаак акәшом рнапқәа!..
Ана-ара шеишықәс еилагылоуп,
Ирнубаалоит Аҧсҿыхҩы игәырҩақәа!..
Идыршәшәон, ирҭаауан ҭагалан,
Ауарҳал рыҵаршәны ҵаҟа.
Акакал каҧсон еишьҭала-еишьҭала,
Урҭ еизыргон ахәша иазырхиа.

Дара гылоуп аханатә ишгылац,
Ибжьы рныҩуеит иахыз аҧааимбар —
Бӷьи махәҭеи ирацәажәо ирылоуп…
Иаурышьҭуан аҵлақәа ашьаҟьар!..
Иҿион, ицон, еилиаа еилагылан,
Гәалашәарак рыма инаскьон…
Баҳчак еиҧшым абаҳча ҧшьа сҭагылоуп,
Слахьынҵамҩа акала сеикәнаршон!..
Ажәытә ара иаҧын ажьаӷьырҩага,
Ахәша ҵла акакал ааргон.
Алу дуқәа — ахәша жәла арҟьыцыга,
Ахаҳә хьанҭа иаҵыргон, иргон, —
Ахкы рыма ицауан Абаашахь —
Хәшакы еиҧшмызт, иалкаан, ихазын.
Иҳақәиҭу, узхәыцрақәа са сгәаҵахь
Хәша цәыкәбарны аизыкәкәара иаҿын…
Иузырхиан абраҟа ажьаӷьырҩага,
Иара абра уаҧылауан уҧеиҧш…
Абраҟатәи уныҳәара — агәыҭшьаага,
Урҭ ирыцыз даҽа хаха-хымш!..
Хаха-хымш — уҧсҭалара, уҧсҩеира,
Агәырӷьаҿҳәаша — уангылозтәи уи амш!..
Жәҩани дгьыли рныҳәа — рматанеира,
Хашҭра зқәым урҭ ахаха-хымш!..
Ара — қәыҧсычҳарҭоуп, гәырҩарҭоуп,
Зегь шыҟац иҟоуп, урҧылоит лабҿаба.
Ара — Иуда инаур убарҭоуп,
Ара уаҧхьа дгылоуп Анцәа Иҧа!..

***
Иерусалим салоуп. Акыр ҵуеит.
Ажәытәӡатәи амҩақәа сырнуп —
Мҩакы изладукылои — даҽа мҩоуп:
Ирнын Иаса Қьырсеи иҵаҩцәеи...
Убасҟантәи амҩахәасҭақәеи аҩнқәеи,
Анаара иамоу адамрақәеи
Сырҭаауеит, избоит иахьеи-уахеи…
Исҭахым шәсырхар са сшьаҵақәа!
Шәырхуп, абар, Ҳазшаз ишьаҿақәа,
Апостолцәа ицызгьы убас —
Исбарҭоуп рышьҭа: иахьгылауаз, иахьтәаз,
Аӡыхь ахьыржәуаз, рцәажәа ахьгауаз —
Рсандал еимаа рыӡӷақәа еихшь-еихшьны
Ршьап ахәдаҿ иубарҭан еихданы…
Урҭ цәа лыхын, ма ҵла лыхн, ааи,
Заҟа шоура, мҩа хара рычҳаи!
Ихон, иқәдыршәуан, ирышьарҵон еиҭа,
Ишьан Иаса Қьырсагь Ихаҭа!..
Зышьҭа шәхыу рышьҭа — лашарбагоуп,
Урҭ рымшра, ражәа еиқәырхагоуп!
Лыԥхала унаргауеит абааш ахь,
Уанырхыҵ — ухы урхеит атышахь!
Ишәықәтатоу асаба — шәгәырҩақәа,
Шәгәырӷьаҿҳәаша, шәуаз ажәа, шәҳәатәқәа,
Аџьармҩа, ашьамҩа ршьаҿақәа!
Арҭ ашьҭақәа шеишықәса еишьҭоуп,
Адунеи ыҟанаҵ иаҭоуп!
Шаҳаҭс шәрымоуп, ссандалқәа, сшьаҵақәа,
Нарха роуааит ишәзыскуа ацәаҳәақәа!..

***
Салоуп, ааи, Дауҭ ду иаҳҭынра…
Ара ихадоуп Иҳақәиҭу идамра.
Сыгә уахь исыхоит, сдәықәлоит, аа, абар,
Аха иахызгоит: абас ауп ес-иаашар!..
Адунеи зырӡыӡауа идамра
Имариоума аҭаара-абара?!
Избахьеит ауаа дуқәа рдамрақәа,
Амилаҭ фырхацәа ахьамадоу ахәқәа…
Иҭанархаз аибашьра аҧша-уырҭ
Шәнызықьҩыла анышә иахьамоу ҿымҭ…
Ар рҧызаҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа рдамрақәа,
Аҧсыбаҩқәа згәыласо аҭыӡқәа,
Агәлымҵәахқәа, асабицәа — ахәыҷқәа,
Урҭ рсахьақәа, иҭызшьаауа агәқәа,
Имариам рҭаара-рбара!
Убас хашҭра зқәым амавзолеиқәа,
Амумиақәа — ирыхьчо амузеиқәа —
Урҭгьы зны инеи-ааиуан, рыҧсқәа ҭан,
Рнысымҩа — жәлары ирылга иган,
Рыхьӡқәагьы — высшьа змам хьыӡқәан…
Аха ара ҽакала зегь хьанҭоуп:
Узҭаауа — Иҳақәиҭу идамроуп! —
Уи изқәа ҭыҧ, инышәынҭра иҧшьоу,
Ҽа нышәынҭрак адкылара ауоу?..
Хгашьа уаҳа исзаҭомызт уажәшьҭа,
Иааит асааҭ! Исықәыӷәӷәеит еиҭа:
Сҿынасхоит Идамрашҟа аҽны,
Сгәы ааҧсахны —
Исзымгәаӷьуаз гәаӷьны!..
Схалоит уахь, дахьамоу ахәахьы,
Абааш аҩнуҵҟа, убас уи адәахьы
Ажәлар гылоуп шәҩы-шәҩыла еишьҭагыла —
Ахыцәхәыц! Саргь уаҟа срылагылоуп.
Еихызгоит ҧшьаала сшьаҿақәа,
Сылаӷырӡқәа еиҳа-еиҳа еизыкәкәа
Иҟәандаӡа адәықәлара иаҿуп…
Араҟа ус ауп, даҽакала иауӡом,
Улаӷырӡ уххәыцуам, умч архом,
Уи аауеит, ахала, убылуа,
Изызкауҭәо Ддыруа, ихыжжуа!..
Сгәы хыҭ-хыҭуа еиҳа-еиҳа снаскьон,
Лахьеиқәрала срылагыла сцон…
Абар, сҿаҧхьа, Иҳақәиҭу Идамра!..
Сшьамхнышгылоит иара убра асаара!
Сагәӡит, сеиҭагәӡит, сзагәӡуама сызхара?..
Схәыцрақәа сыргон ааигәа-хара…
Зны сгәы иабон исыцушәа Аҧсынра,
Ихышхыҵәоушәа уи агәыбылра
Иҳақәиҭу иҿаҧхьа иара абра…
Даҽазных — саанхон уа сҭыууаӡа,
Сшьаҳаиҭхазшәа, ак схьаамшәа зынӡа!..
Сдәылҵны сцон сызлаҟаз даҽакхазшәа,
Ҽа дунеик, ҽа ҧсҭазаарак сатәхазшәа!..
Бжьык сыхьӡон — Иҳақәиҭу ибжьоуп:
«Агылареи аҧсҭазаареи Са Соуп,
Са схазҵо — наунагӡа дыбзоуп!..».
Снеиуан ҿымҭ анаҩстәи ахыбрахь,
Уахьтәи ауахәамахь, аҧшьа ҭыҧахь.

X

АНҦСНЫХ
Срылагылоуп уахь ицо уаа гәарҭак…
Анцәа Иан лылацәеиқәыҧсарҭа,
Абар, ҿымҭрала сахьаҭаа.
Лҭоурых, лыӡбахә шаҳдыруагьы заа
Ара ҽакала иуацәажәауеит Анра,
Даҽакала иҳаракуп уи Лымчра,
Ҽакала иуҧхьоит, иуныруеит уи разрала,
Лызқәа ҭыҧ ашҟа ҿымҭ уаныҩнала!..
Анацәа зегь иреиҳау, Ирану,
Иҳақәиҭу Иаса Қьырса Иану —
Лыхьӡ еиҭарҳәоит, Нцәахәыс дамоуп Анра,
Ԥа дыҟанаҵ, икыднаҵ ари амра!..
Иҧшьоуп, еиҭаҧшьоуп, инаӡаӡоуп Анра,
Иалаҳхыузеи Лара лыда амра?..
Зыӷра ҳаҭшаз илаҭәоу ӡәыр изҳәоума?
Лхаҿсахьа анҳацым ҳхаҭа акыр ҳаҧсоума?!
Ан лҳақ шәашьа смоуа саҵан…
Сшьамхқәа асырсит бара бҿаҧхьа, Анан!
Ус ҟасҵеит абраҟа исымбаӡакәа,
Сылабжышқәа уаҳа исмараӡакәа
Инахьыжжит былацәеиқәыҧсарҭа —
Наӡаӡатәи бызқәаҭыҧ, быҧсшьарҭа!..
Снадҵит ус… Сыҩноуп сшыҩнац ахыбра,
Снархьыҧшит, аа, бсахьа лаша, быбла:
Ицәажәоит бгәыбылрала, ба бдоуҳала,
Бысаби, Бҵеи дыбгәыдрыӷәӷәала,
Абраҟа, аҧшьаҭыҧ аҟны икыдуп,
Азал ду агәҭа, бдамра авара — иаҭыҧуп!
...Дкыдуп сҿаҧхьа агәыраз Анцәа Иан,
Дҭихызшәа агени Тициан!37
Аш дануп ианымҵуа шәыга жәпала,
Дҭыхуп гәаҳәарала, гәыбылрала,
Ларма ганаҿ лысаби дылкуп —
Лымаалықь дихӡыӡаауа дыҧшуп…
Уахьынеиҭаҵлак — лыбла ухыуп лара,
Узлыхәаҧшран иҟам узхара!..
Сааит харантә. Ба быхьӡала убраҟа
Абаашқәа ахьаҧу ажәытә аахысгьы,
Нанҳәа мза ахьрылкаау иара убасгьы —
Иаҧу амзақәа рыбжьара, —
Уи азкуп ба былацәеиқәыҧсара!
Аҵыхәтәан, ианааишаз быҿҳәара,
Баҭаалон Иҳақәиҭу идамра —
Дахькыдырҵаз Голгофа ахәаны,
Дахьынаскьабгоз бгәы-быҧсы былны…
Ус амаалықь Гавриил абраҟа зны
Ибыҵиҳәеит бшыҟаз быҧсраны,
Баџьал шааиз — ишбыдгыл иааигәаны…

Брыҧхьеит Апостолцәа быҩныҟа,
Ефес иҟаз Иоаннгьы абраҟа
Доуҳа мчык иаразнак даанагеит,
Дара зегь бхылаҧшит — бырбеит…
…Лашарак буада иҩнаҷҷеит ауыха,
Бынхарҭа арлашеит иссираха:
Дбыҧхьеит Бҵеи: дбыхӡыӡаауа, бмырҿыха,
Бигеит — былацәеиқәыҧсамҭаз,
Ацәа гәахәа, ацәа хаара бшалаз —
Хьаа-баак уаҳа ибымҭаӡакәа,
Аҧсра иацу гәаҟрак бмырбаӡакәа.
Убринахыс — Бҧа дахьыҟоу быҟоуп,
Быҧсы халт, биҭааит убри ауыха…
Ҳәаак амоу Ани-Ԥеи ишәылшо?
Шәыразра — адунеи иазышәшоит!..
Бҿаҧхьа сгылоуп Ацқьа Рыцқьа, Анан,
Анацәа ргәыӷра лаша, Анан!
Иҭацамхаз аҭаца ҧҳәызба, Анан!
Бҿаҧхьа сгылоуп ахаратәи бҭааҩ,
Быҧсы ҭоушәа сыҟоуп, сныҳәараан,
Ус сбацәажәоит, ус сбыҳәоит зхаҵарала!
Сгылоуп сгәаҵа иҭымҵәо гәыбылрала,
Сгәы иҭыхауа сызҳәару ажәала?..
Иҳақәиҭу, суҳәоит, сырманшәала!
— Исаҳә, Анан, Бысаби иҭоурых,
Исаҳә, сбыҳәоит, ицәырга бара бҿала,
Бажәа ҧсахрак ақәым даҽакала!
Брылацәажәа игәырӷьахәу ихҭысқәа,
Ихәыҷра, уи иеизҳара, иусқәа,
Уи иуаз, уи иҧҟара ҿыцқәа,
Ишьаарҵәыраз аҵыхәтәантәи уи имшқәа!..
Рыӡбахә цәырга, анык леиҧш ба брыхцәажәа,
Ҽакала ҧсахшьак ақәу бара бажәа?! —
Лахьӡатәроуп. Ҿымҭроуп. Ҵҩа змам жәлара
Ашьхыц реиԥш иазааиуеит лдамра…
Лныха чаҧа кыдуп, иџьшьахәуп,
Сыҧсы алаҵәеит, исацәажәар сҭахуп!..
Лармарахь лымаалықь дылкуп,
Лахьеиқәҵарала ааҧшра даҿуп…
Лсахьа акалашәа сыҧсалоуп,
Араҟа ишысныруа даҽакалоуп!..
— Исаҳә, Анан, Бысаби иҭоурых,
Исаҳә, сбыҳәоит. Ицәырга бара бҿала,
Бажәа ҧсахрак ақәым даҽакала!
Исырҳа бҵәыуабжь, исырҳа бықьызқьызра,
Исмаҳац ыҟоуп, банра, ба быҧҳәысра
Ирыҵаркуаз каххаҵәҟьа иаартума?..
Мариа, Анан, бгәаҟажәа аҧума?..
Ан лтә здыруеит, сагәылиааит лгәыбылра,
Сылгәыдыҳәҳәалан, слызбомызт лызхара,
Шықәсы рацәала дазыҧшын схынҳәра!..
Мариа, Анан, бхаҭагьы бануп,
Ихту бгәыҳәҧы — Бҧа дызҵаз гәыҳәҧуп…
Ан лыгәхьаа зехьынџьара еиҧшуп!
Бҵеи итә былоуп, аџьашьахә ҟаҵа,
Быгәра згоит — сгәы-сыҧсы ирынҵа!
Сбыҳәоит Ан, иҟаҵа ашана,
Ицәырбымгац, зеиҧш ҟамлац макьана,
Ибзымариам агәырҩа рҵысы! —
Арҭ ажәақәа иҿыркаауан сыҧсы...
Акгьы лҳәом, дкыдуп ус аҭӡы!
Иааиуа-ицо снеиҭаҵуа срылагылоуп,
Сылзыҧшуп, сцәа, схәы-сжьы еилагыло!..
Сишь, сишь, закәызеи? Исҭахыз саҳаит,
Чҳашьа ахьынӡалымаз илычҳаит…
Лҿы еихылхит!.. Ашәыгақәа аақәацеит —
Иҳақәиҭу аџьашьахә ҟаиҵеит!..
Са сахьгылац сгылоуп: инаӡеит
Сзызхьуаз агәаҳәара — сгәыхәтәы,
Мариа лажәа шана — уи лҳәатәы…
Исаҳац — исмаҳац ииуеит…
Сгәы ҭыҧсааит. Сқәацауам. Сӡырҩуеит...
— Са саниеит убасҟан сыззыҧшымыз,
Хаҵа ицо аҧҳәызба илыхәҭамыз…
Исзаацҳаз амаалықь иҿала
Хшара дсоут Иҳақәиҭу иҳәахьала!
Иаса Қьырса иакәхеит, Анцәа Иҧа,
Саҧхьахша! — сгәырӷьа, сгәыӷырҭа!
Цәеижьеидҵаратә гәаҳәарала дшамызт,
Хаҵеи ҧҳәыси реизыхьра датәымызт,
Аҧсы Цқьа илоуп ишыҟалаз зегьы.
Сыцқьара, сҭыҧҳара аӡә дахьымсит,
Анцәа игәаҳәарала зегь сыхҭысит!...
Иосиф иакәзар, аҧхьа арҭқәа гәнигон,
Ихьмыӡӷишьон, аарла имшқәа ихигон…
Ус, Вифлеем Ҳасаби даниы —
Иосиф уи диҧылеит гәыбылрала,
Абык иҧа дышиеигәырӷьашаз ала!
Аха Ииз иӡбахә еиӷарала
Идикылт аҳ Ирод ихаҭа,
Илашьцеит узҭамыҧшуа илакҭа!..
Имцаха ицрасит уи иишьа,
Изыҧшыз аҳратә! —
Дашьҭалт иҭархашьа…
Ҿыц ииз иауит аӷацәа —
Даниз ауыха!..
Иӡбан ихы ахҵәара,
Аха маӡа дҳацхраауан Анцәа!
Ҳахыҵыр акәхеит ҳа ҳзааӡаз атәыла,
Ҳшәаӡыӡауа, иааныжьуа лаӷырӡыла…
Ҳҿынаҳхеит, ҳамҩа ган хара,
Ҳҽаҳҵәахырц, ҳхабар рымбо, Мысра,
Амҩа ҳақәын ҳара уахь мызла.
Ҳнаӡеит ус уа — афараонцәа ртәылаҿ,
Убраҟатәи акаршәраҿ, аҟаршоураҿ.

Мысра ҳахын — ҳиздырамызт аӡәгьы,
Нил ахықәан изҳауан схәыҷгьы.
Уи ахыҵра — аиқәтәара ҧсҭаҵаган,
Аҽаҩра иаанашьҭуаз гәазырҳаган!..
Имҩаҧыргон уаҟа Амра ныҳәа…
Асаби изҳауан ашьшьыҳәа...
Ус, ҳахьыҟаз иааӡеит аҧсӡы,
Ирод аҳ ихыҵит ҳәа иҧсы…
Назареҭҟа ҳҿынаҳхеит, ҳаихеит,
Иҳақәиҭу ус аиҧш иҭаххеит,
Аханатәгьы ҳарҭ убри ҳагәхьаан…
Амҩа ҳақәуп ҩаҧхьа ҳарҭ ҽадала,
Ҳазлаахьаз, иаадыруаз мҩала.
Ҳаауан ҳа ҳахҩык ҳаиманы.
Сымаалықь дысгәыҵаршәны, дыкны,
Жәа ҟәымшәыла ихы-игәы ҟаҵо,
Ҳныҳәаҧхьыӡқәа нымҵәо, еишьҭаҵо.
Афараонцәа ртәыла харахон…
Назареҭ еиҳа-еиҳа иааигәахон —
Уи сахьиз, исызгәакьаз акәын,
Ес-иаашар убрахь амҩа ҳақәын…
Дук мырҵыкәа ҳара уа ҳнаӡеит,
Ҳхынҳәит лыҧхала, ҳахылт, ҳгәыхәтәы ҳахьӡеит!..
Назареҭ — шьхараны ишьҭоуп,
Ана-ара аҩн хыбрақәа аҿаҧсоуп.
Руак ҳаҩн акәын — аҿ Абааш иазхан,
Ҳарҭ насыҧла есааира убра ҳахын.
Ҳныҟәеибагон… Саҧхьахшаа дхазын,
Аханатә сгәыбылра изкын,
Сахьхахауаз сыдтәалара игәаҧхон,
Ишәҵатәы, иқалҧадқәа сҧон…
Ихшыҩ жәытәи-ҿатәи ирызцон,
Ахәыцрақәа игәы-иҧсы рытҟәон,
Дгәазырҳаган Сымаалықь, са сҟәыбҷа,
Сыхшыҩҭра, сгәацаҧха, са сеиқәҷаб!..
Сизыҧшын илҵри ҳәа уаҵәы,
Диласҵомызт уи сара ҽаӡәы! —
Ажәлар шаац иаауеит адамрахьы,
Рхыҧхьаӡара иацлон еиҳагьы…
Са сӡырҩуеит, исаҳауеит лыбжьы,
Еилагылоит иқақаӡа схәы-сжьы…
— Ҳамаалықь дыссирха изҳауан,
Иқәлацәа дышреиҧшмыз аабауан,
Даҽакала илан са сыҧсы,
Дызбауаз — еицырҳәон ибзырӡы!
Дадҳәалан Иосиф имаҟа,
Дыҭҳажьуамызт ашҭа шамаха.
Ҳҳәатәы дахыҧомызт ахаан,
Аха иубон аргама: ак игәхьаан!..
Гәыла-ҧсыла еиҳа-еиҳа дышәуан,
Анцәа Иажәа, илыҧха изатуан…
Ус жәаҩа шықәса анихыҵуаз зны,
Аныҳәарҭахь даҳгеит Амшаҧаҽны.
Гәырӷьаран, Амшаҧ ду иатәын,
Абааш уааҧсырала иҭәын…
Урҭ ааныжьны аҩныҟа ҳанаауаз,
Ԥхьа ицахьаз дрылан ҳәа ҳшыҧшуаз:
Дабаҟоу? Дыӡит! Ҳашьҭахьҟа ҳхынҳәит.
Хымш ҳишьҭоуп! Абааҿы дҳаҧшааит:
Уаҟа, дрылагылан арҵаҩцәа,
Иҟәыӷара лакәыршьон мбатәы —
Изыӡырҩуан, иҿцәажәон — аџьшьатәы!..
Саниазҵаа ҽыҧныҳәала: «Уабаҟаз?».
«Абра, Саб иитәу аҟны сыҟоуп!..».
Исзеилымкааит иажәақәа зызкыз:
Иаанагозу: сышәтәым шәара мацара?..
Исыҧхьоит ҽакала Аҧсҳара,
Саб ихыбра, Анцәа иҩны саҭааит?!
Абри аума урҭ ара изызҳәаз?
Ахаан исхамышҭуа инхаз!..
Заа идырхьан, иныруан, мҩас дызқәыз,
Мчы-лшарас имаз, иаҧхьаҟа изыҧшыз!..
Аӡӡаахра, аҧышәара дырхысит,
Ҳшыҧшыз ҩажәижәаба дырҭысит,
Иҳәатәы има дрылалеит жәлара:
Агәнаҳахыхра, Аҧсҳара
Рыӡбахә неигон, ишьҭалеит ҵҩа змам.

Изыӡырҩуеит арха, аҿаҩа, ахәы…
Дрылан урҭ аџьшьахәқәа ҟаҵо,
Нагӡашьа змамыз лабҿаба инагӡо —
Ацыркьцәа, алашәцәа хәышәтәуа,
Зыҧсҭазаара иалҵызгьы бзатәуа!
Сгәы изҭынчмызт, дсыман гәырҩаны,
Сазыҧшын ихабар ес-ҽны!
Ицәырҵуан еиҳа-еиҳа иаӷацәа,
Еиҳагьы сиҳәауан Анцәа!..
Далырцеит уи ҳқыҭа гәакьа зны,
Ҳныҳәарҭа дыҩнца, дыҧхаҵаны,
Ирҭаххеит дықәырҵарц дышьны,
Схы ахьызгара сыздырамызт аҽны!
Аҵыхәтәан Иуда чарҳәара ҟаиҵеит,
Иҿагылаз ргәыхәтәы иахьӡеит,
Гефсимантәи абаҳчаҟны дыркит,
Убринахыс Сҧа иеҵәахә ааҳәит!..
Дрыма идәықәлеит Голгофаҟа Иара,
Икыдҵара, ихыччара, иахьырхәра!
Арҭ схәыцрақәа срыма ицоит хара:
Ауаӷеимышхара салаҧшит аҽны,
Амра злагылазеи игәаӷьны?
Сзымыҧси Сҧа изаарцауаз баны!..
Даҵарҵоит ихеигаларц иџьар,
Ишьҭагылоуп ауааҧсыра, ар.
Иҵаҩцәа бналт, иҧшуп хара-хара,
Ирзымгәаӷьит Голгофа аҿаҧшра!..
Пиотр38 иакәзар, аргама мап икит,
Арбаӷьгьы акиҳәа иҿнаҭит!..
Урҭ абаҟоу? Сҵеи ара даӡәуп,
Уаҩ иимбац изаацара иаҿуп!
Иоанн иоуп избауа макьана,
Иара убас Мариа Магдалина,
Лазар иаҳәшьцәа — гәыкала дызбо,
Иаса Қьырса изыҳәа ара иџьабо!..
Дрыма инеиуеит, иҵаҳәҳәо, дырџьо,
Аӷа хәымга днарцауашәа ишьо.
Ана-ара дкаҳауеит иара,
Деиҭагылоит — даҿуп аҳәазара!..
Избац иоума, Сҧалаша, сгәлымҵәах,
Аума изаацо дладырҟәуеит еиҭах! —
Дхалон дгәаҟуа, даҵақьуа иџьар,
Ахылаҧшцәа, аныхаҧааҩцәа, абар,
Афарисеицәа, асаддункеицәа уҳәа
Ргәаӷ хышхыҵәоит, еилагон зынӡас,
Идырбыжкыз ажәларгьы — убас:
Иҿажьцәара, ихыччара иаҿуп,
Иҟытыбжь гом, данышәеит изыҧшу…
Аҵәымаӷқәа инапқәа, ишьапқәа
Ирылырҳәоит ашьаҟәада ицыркәкәа…
Исыцыҧсуеит уи ажьаҳәабжьы.
«Дкыдҵатәуп, дкыдҵатәуп!» — рыбжьы
Шгац игон, игон ажьаҳәабжьы!..
Дкыдуп сҿаҧхьа слашырбага, Сҧа,
Ахлымӡаах уалаҧш лабҿаба!..
— Унцәазар уҽкыдумхуеи ухала?
Сынцәоуп, сеиқәырхаҩуп ҳәа уҳалан! —
Ирҳәон абас, рҿы иҭашәоз ауман,
Иара еиҳа-еиҳа дшьабон!
Ирҳәо, изҿырҭуа, изыркуа саҳаӡом,
Исықәлашьцоит, сыбла ак абом,
Иџьар гәырҩа, иџьар гәаҟра сзыхгом!
Сгәы амца ҭоуп — иаша схы изхан,
Икыдҵара сабылуан, сӡыҭуан! —
Ахаҵа дҵәуом! Ус ауп: исзыннкылом,
Инасывс-аасывсуеит сызлагыло,
Лдамра иаҭаауа, иахагыло —
Анҧсных лылацәеиқәыҧсарҭа,
Иҧшьоу алаӷырӡ каҧсарҭа…
Дцәажәоит, Анан, сара саҧхьа икыду,
Аҽыкәаҳа лхалашоит!.. Лыгә иаду,
Лысаби иааӡаб ҳәауа,
Сараӡәк соуп изныруа, изаҳауа!..
Ажәлар ааиуеит, рхыҧхьаӡара нҵәом,
Исаҳауала сгәы-сыҧсы еиҩҵәоуп.
Дкыдуп агәыраз Анцәа Иан,
Дҭихызшәа агени Тициан!..
Аш дануп ианымҵуа шәыга жәпала,
Лылаӷырӡ лсахьа иахьыкәкәоушәа,
Рҩашҵас аҽҽаҳәа илбааҟьоушәа
Саҵагылоуп, сакәабоит, сџьабоит,
Ан лгәырҩажәа, агәыҭшьаага гоит…
Смыткәма, суаз уа сшаҿыц саҿын:
Схы абазгари, сыззынужьда, нан?
Ишҧалыҧсыхәо зхала иқәхаз уан?
Исзаҧсоума аҧсҭазаара уажәшьҭа —
Сҭамыҧшуа исцәыӡуа улакҭа?
Издыруада са саҟара уа уишьа,
Угәамаӡа, уҧсамаӡа, узҳашьа,
Ани-ҧеи рыгәхьаа, реимадшьа?!
Урҭқәа мцуп ҳәа иқәгылт уаӷацәа,
Уҵабырг, умч-улшара рҵыхәа ҧҵәа!
Ирылаӡомызт уара ухьӡ-уҧша,
Уџьарыртәит, уанырхит, сыӷраҭша!
Ишҧасҭахыу суцыҧсырц абра,
Ҳамазарц иаҳзеиҧшу адамра,
Игәырҭынчго ани-ҧеи рдамра!..
Уан ахәаша дызургозеи, нан,
Узыхдырҟьозеи? Измаанои? Избан?..
Чҳашьа сымам, укыдыхра сҭахыуп,
Уахь снарышьҭуам, римаа рыруаа ҧшуп!
Сыҷкәын, сыҷкәын, игауам убжьы,
Амҿџьар уадуп, укыдҵоуп са сгәаҿы!..
Сҵеи, сыҧсҭыҩра, сшаеҵә, сынцәахәы,
Ушьала иӡсоит, абар, Голгофа ахәы!
Укыдырҵеит — шьыцрала, еиӷарала,
Ацәгьоуцәа — ашьцәа урхыҧхьаӡала!
Икыдуп урҭ наҟ-ааҟ ирҟацаны,
Ссысымҟаа, ушьабоит, аа, рыгәҭаны!
Иабаҟоу Гавриил игәырӷьаҿҳәаша?
Иабаҟоу аҵабырг? Ҳаигәыӷуазу баша?
Уан ахәаша, дызлаҧшызеи, уан!
Ари аҩыза дазыҧшызма, нан?
Исыман умч-улшара агәрагара,
Исыздырамызт, сыҷкәын, уҿҳәара!..
Иабааит ажәҩан, иаҳааит Уаб — Анцәа:
Уахькыдугьы иуныҳәоит уаӷацәа!..
Урҭ ахьхәып ҳәа угәыӷуеит, уазыҧшуп,
Укыдызҵо рныҳәара уаҿуп!..
Иаҳзыҟалеит, нан, аӷа игәрыҧса,
Умаҭәақәа ршоит аҵәы ҭаҧса!..
Абан, снапала иузыссыз ахьитон,
Гәыр зыдгалам, иузыссыз ахьитон39 —
Ухы кылудон, иунаалон, бзиа иубон —
Ар еимаркуеит, ҵәҭаҧсарала иршоит,
Уи шьаарҵәыроуп — уара ушьа ацыркәкәоит!..
Исзынкылом сылаӷырӡи суази,
Уан сами, — уаҳа изҿумҭуазеи?..
Сыхцәы ыртланы уара уҿаҧхьа сгылоуп,
Иуҵыжжуа ушьа ҟәанда сылагылоуп!
Иҿнаҭуам, уахьчом Палестина!
Иабаҟоу, сыҷкәын, иабаҟоу уи осанна?
Ус иуҧылоз урҭиит иахьа,
Урҭ урышьҭан угәы-уҧсы ҭыӷьӷьа!..
Суазаҳәоит, сыҷкәын, иҵаулоуп сыхәра,
Аҵәымаӷ алҳәоуп аринахыс са сгәыҕра!
Уӡышоит... уқьышә иқәыршьит абжьеи,
Аҧсҭазаара агьама ша умбеи!
Уҭазырхо рхы злаҿырхри шьҭа?
Ирыхьшьуп, ирықәҭәоуп уара ушьа!
Гәырӷьак сымҧын иқәларым ахаан,
Сгәырӷьа еиқәыцәеит уара укыдҵараан.
Угәаҳәаралоуп арҭ зегь шыҟалазгьы,
Баша уныҳәон, сыҷкәын, Гефсимангьы,
Уиҭиит, уизымыхьчеит Пилатгьы!
Лгәы ианыруан ас аиҧш шакәхоз уангьы!
Убжьы аарла игеит, аа: иқәҿуҭит Иоанн,
Уҧс аиҧш иубоз, уззаатыз Иоанн:
«Улхылаҧшла, дгәыгәҭоумыжьын Сан!..».
Иҭабуп, сыҷкәын, сҧак иеиҧш дсыдыскылоит,
Иуҳәаз ала иааигәара сгылоит!..
Унеиқәышьшьит, сгәыӷырҭа, наӡаӡа,
Ашьаршәы ҭаҵааит сара сгәаҵа…
«Инаӡеит» уҳәеит, аха инаӡазеи?..
Ҵакыс иамаз, иаҵаз акыр здырма?
Сара сыдагь уи егьырҭ ирнырма?
Измааназ ҳаума еилкааны?
Уадуп аџьар ухьыҧсааны…
Узусҭаз рзымдырит, нан, сыҷкәын,
Лахьынҵала абри аҩыза уқәын…
Абар, аа, укыдырхуеит, ушьҭырхуеит,
Уаӷацәа рымҵәыжәҩақәа еиҵырхуеит!
Унаскьаҳгоит араҟа ирыдрымкылаз,
Ирзымдырыз, еиӷарала изҧылаз!..
Шәсыцҵәыуала, гәыкала исзыҟоу,
Иаса Қьырса уажәшьҭа уаҳа дыҟам!..
Днаскьаҳгоит — шәытарак знымыз,
Днаскьаҳгоит — гәнаҳак џьа измамыз!
Шәсыцҵәыуала, ҳарҵаҩы днаскьаҳгоит,
Аҧсцәа рыҧсы ҭазҵоз дымҩаҧаҳгоит!..
Умҩаҧаҳгоит! Иугхом лаӷырӡы,
Адунеи иадырааит убзырӡы!..
Узхылҵыз уан улгәыҵакуп бзанҵы,
Уара уахьыҟоу иҟоуп уи лыҧсы! —
Абас иеималҭәон, абас уи длаӷырӡашон,
Лысаби изыналышьҭуа рҩашын —
Саҵагылоуп, сакәабоит, сқьыз-қьызуа,
Сгәы-сыҧсы ирзаанхо, ирҭысуа!—
Асахьа икыдыз хәнажәон уа Ан лмыткәа,
Ҵыхәаҧҵәара змамыз Ан лыгәхьаа!..
Иҳақәиҭу! Иуаҳаит са сгәаҳәа,
Уан лмыткәмоуп игауаз аккаҳәа!..
Саҭамыз, Анан, ибырҿыцит буазгьы,
Бызқәаҭыҧ ауп уи еиҳа исзырҳазгьы!..
Анҧсных! Акала са бсызгәакьоуп40,
Ашаеҵәа ахьсыҧхьазгьы арахь ауп!..
Былыҧха — Анраны илашеит,
Былыҧха — стәылагь иахьбыршеит!

XI

АНЫҲӘАРА
Сахьынтәаауа… Уи иаба? Кавказ!
Уаҟа Иажәа наӡахьан Христос.
Андреи Аҧхьанаҧхьа, иара убас
Апостол Симон, Кана изызҳаз,
Урҭ рҩыза Матфи41, зажәа, зуаз
Иаса Қьырса гәахәала иаҳауаз,
Иааӡеит — ирҭааит гәыла-ҧсыла
Ҳабацәа — абазгаа, аҧсилаа.
Икарыҧсеит ақьырсианра ажәла,
Еиҳа-еиҳа ишьҭыркаауан уи ҳажәлар!
Абра, Аҧсынтәыла агәаҿы,
Симон Канантә, убас Иоанн Ахьҿы,
Каман, Ԥсырӡха, аҧсабара шанаҿ,
Аӡиасқәа, аӡҭаҽҽақәа ртәылаҿ —
Ажәытә аахыс иаҧуп рдамрақәа,
Ҳадгьыл иазыҧхон ршәахәақәа,
Матфи — Себостополис (ҳа ҳ-Аҟәа)
Ибаҩ амоуп,
Иҧшьоуп уи ала абраҟа…
Ақьырсианра аратәи ашьаҿақәа
Имариамыз амҩа ҧшьа ианылон,
Ауааҧсыра ҿыхуа иаднаҧхьалон.
Уи аҧсуара иазааигәан акала,
Гәыбылрала, гәхьаала, доуҳала!..
…Ажәытә ныҳәарҭаҿ —
Ахыбра ҿыцқәа гылон,
Ма ихарамкәа дара-дара еивагылон…
Қыҭак, ҳаблак ыҟоу Аҧсынтәыла
Ақьырсианра ашьҭамҭа ахьуҧымло?!
Адац-ҧашә аҧшәымоуп ҳбызшәаҟны:
Аныҳәара — Ан лыҳәара инаркны,
Мариа Анан лгәыбылрала иҭәны!

***
Бзыҧ аӡиас ашҟа аҷҟәандар —
Ижәлар дрыҧхьон, иӡааихуан, абар,
Ҳәсеи хацәеи, рылахь-рыџьымшь ӡатә,
Раҧхьа дгылахьаазыз ус заҟантә!..
Амзаратәи аныхабаа шаҳаҭуп,
Уи аҩныҵҟа ацәашьқәа каххаа икыдуп…
Анцәа Иан лныха чаҧа, Анан,
Иамҵаныҳәон, мышьҭа бзиа аман!..
Ҳашҟа — аханатәтәи гәыбылрала
Лылыҧхамҩа ылхын Лыхшаа ила —
Иҳақәиҭу иаҧиҵахьоу ҳәахьала.
Иблахкыгоуп акала ара зегьы,
Сахьала ирхиоуп адашьмагьы.
Аныҳәабжь халоит…
Игоит уа ҳбызшәагьы:
«Иҳақәиҭу, ҳрыцҳашьа Уара»,
«Иҳагу ҳаҭоумҵан!» — абра
Ихиаала иазнеиуеит Жәҩантәи Аҧсҳара!..

***
Кәыдры ахықә абааш аҟны аҧсилаа —
Еилагыла иныҳәон гәыла-ҧсыла!..
Иааит арахь гәахәарала, иаӡәымкәа,
Иустиниан иуахәама иазымкуа.
Аҷҟәандар дрыҧхьоит Кәыдры ахықә ахь,
Изҵоу агәнаҳақәа рхыхрахь.
…Сыбла ихгылоуп зны абраҟа иҭалоз,
Гәыбылрала аҧшаҳәа иӡыхгылоз,
Иаса Қьырса иџьармҩа ианылоз!..
Сабацәа, урҭ рабацәа аханатә
Абри амҩа иацаауеит наџьнатә!..
Асаркьалбжь ахыҩит ҳа ҳа-Аҧсны,
Ӡаахрала, џьарла иҧшьаны,
Иустиниан42 ихаан ауп ара
Ақьырсианра ианаиоу аҳра —
Анцәа Иажәа ҳадгьыл иахьыгӡа,
Иан Мариа лгәаҳәара нагӡа,
Иҳақәиҭу итәыла ҳәа иҧхьаӡа!
Сыҧсы, ҳазлацәажәауа зегь гәахәоуп,
Ииасхьоу, аха ибзоу ҭоурыхуп!..
Кәыдри Бзыҧи Иордан рызгәакьоуп,
Излаҧшьоу — ирҭааз Анцәа иажәоуп,
Иамҽханакит Аҧсны ахы-аҵыхәа,
Ақьырсианра амҵәыжәҩақәа еиҵыхуа…
Араҟа Анцәа Иан Мариа лбаашқәа
Аадыртуан, икыдырҵомызт рышәқәа.
Уахгьы-ҽынгьы аныҳәабжь гон, ихалон.
Гәнаҳа змаз — измамыз аднаҧхьалон.
Аԥхьара, аҩра арҿион есааира,
Ауаа рыҭира, рӷьычра иаҿагылан –
Акыр зылшоз ргәыӷра, рмалрҳага:
Ажәлар рыҿҟәага, рҭархага.
Ауаҩытәыҩса изинқәа ҳаракын,
Византиа иаԥыз арагь иаԥын!..
Ҳамзақәагь ирныҧшит ақьырсианра:
Мшаҧы, Қьырса, Анан леишәа — Нанҳәа,
Петреи Паули рымзагьы — Пертаба...
«Анцәа Иныс» аниҳәа нахыс аԥсуа —
Ииҳәаз ҳәан. Дубомызт иқәра давсуа!..
Ус заҟа! Уагәылала ҳбызшәа —
Шьаҿацҧхьаӡа амаӡа еиҿыршәшәа!..
Иаса Қьырса инысымҩа азхарҵон.
Иџьар сахьа иахӡыӡо рыхәда иахарҵон,
Мариа лыхьӡ рхы-рыҧсы ахҭнырҵон.

Хақәҵарала заҟаҩ уи иазгылеи,
Гәыбылралеи, имцабзу зхаҵаралеи
Шаҟаҩ ршьа, рыҧхаӡаша азкаҭәозеи?
Рыхьӡи рыжәлеи аамҭа иагахьозеи! —
Абаашқәа ргәашә сныҳәауа санҭало
Сыбла ихгылоит рсахьақәа еишьҭала…
Урҭ рыбжьара иалкаауп зыӡбахә ҩашьам,
Рыхьӡи рыжәлеи ахаангьы икашәашам!..

***
Аҧсилаа раҳ, ахаҵа ӷәӷәа Евстафи43,
Аҳцәа раҳ Марин-иҧа, Ҵабалтәи!..
Уаҩ дихәомызт, дгылан хьыӡла-ҧшала,
Аха, абар, деиқәымшәеит лахьынҵала!..
Ҵҩа змамыз ар, арабцәа, итәыла иақәлеит,
Ҵабалаа рбаа, гашьа змам, иагәыдлеит.
«Аихатә баа» ҳәа иашьҭан, имбатәын,
Арабцәа хьаҵра рықәызма? Игатәын!..
Иҟоуп, ааи, дара рыри рымчи,
Аха уи данышәозма Евстафи!..
Абаа хыџ-хыџуан: иҭҟьон ахҿеи ахаҳәи,
Еиҿакшон, еибафо, аҳәеи аҳәеи,
Иҧыршәон ихаҵареи игәаҳәеи!..
Иныҳәаҧхьаӡ Иаса Қьырса изкын,
Уи акәын иҧсҭазаара, идин —
Ԥсыс ихаз, иҟамызт иеиҳаз —
Ҳазшаз изкын иааӡаб, иуаз!..
Дныҳәауан: ирықәлаз ҭаирхарцаз,
Аҧсилаа рҳақ, рҵабырг иаиргарцаз!..
Дааӡан Анцәа ихаҵарала,
Еиҭаҳәашьа амамкәа ажәала!..
Аха иразҟы ицымныҟәт аҽны,
Дыргеит Евстафи арабцәа дытҟәаны!
Дигеит Исам, арабцәа раҳ, рҧыза,
Аҧсилаа ахьзынамӡо аҟынӡа —
Харанҟа…44 Евфраҭ аҧшаҳәаҿы,
Дҭакны димоуп ишәарҭам абааҿы!
Евстафи ишҟа дақәыӷәӷәоит Исам:
«Удин уҧсахроуп, уаҳа иузаҧсам,
Аллаҳ иҧҟароуп ара иахәҭоу, иаҧу:
«Ла иллаҳ
Муҳамедур Расулуллаҳ» —
Аллаҳ иоуп иҟоу, дыҟам даҽа Нцәак,
Муҳаммед дшьоуп Иара иҧааимбарс,
Аллаҳ ила зегь ҳәаақәҵоуп абас.
Хаала иуасҳәоит: иеиӷьуп, ишьҭаҵа,
Еиқәурхоит уи ала улахьынҵа!».
Евфстафи иуам, изаагом ихахьы,
Даҽа динк изнагом игәахьы.
Идин иҧсахыр — итәыла иҧсахт ҳәа ишьоуп,
Дҧызшәо амчқәа акакала еишьҭоуп…

Ес-иаашар даҿаапкуеит Исам.
— Аҧсилаа раҳ, иудысҵо нагӡа,
Аӡә иоуп Нцәас иҟоу —
Аллаҳ иоуп, ихаҵа! —
Аха Евстафи имап икуп, иуам.
Ибоит аргама илгоит иаӷацәа.
Иаҿаиршәт, димыҧсахт Инцәа!
Аҧсылманрахь иара ихы имырхеит —
Иҧеиҧш еилкаан: Евстафи дҭадырхеит…
Ақьырсиан дунеи ихьӡ лаша азынхеит!
Иргәаҟны иршьыз аҳ Марин-иҧа
Ихаҭа дыҧсҳан! — идиназ лабҿаба
Аҧсра даҧылеит, Ацқьацәа рҭаацәа
Наӡаӡа далоуп, ус иаҭәеишьеит Анцәа!
Дахьыршьызгьы ҭыҧ ҧшьаны иаанхеит,
Иҩаз ибаҩ-ишаҩ ахь еихеит
Згәы бзиамыз, дазхазҵауаз ауаа,
Рхьаа иахәон, иалырго, ихәышәтәуа.
Аҧсилаа раҳ! Схырхәоит асаара
Уара уҿаҧхьа. Уахашҭуам Аҧсынра,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Ашаеҵәа - 06
  • Büleklär
  • Ашаеҵәа - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3239
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2347
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2339
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3286
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2256
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3281
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2254
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3234
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2277
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3209
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3249
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2287
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3194
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2315
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3395
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2233
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3390
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2144
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 462
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 399
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.