Latin

Ашаеҵәа - 04

Süzlärneñ gomumi sanı 3281
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2254
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Ихы ҩӡааихт, ус акәзар — дыбзоуп! —
Аӡӡаахра адырга: аҧсра — абзахара —
Иубарҭоуп аргама, ара лабҿаба —
Иоанн Ду дшаҳаҭуп: дӡаахуп шьҭа,
Гәаҧхарак анубоит Иисус илакҭа:
Иҿыҧшылара гәахәан, иҧыруан ишьамхы,
Игәаҳәара шьҭыҵуан, ихиахон иҿахәы…
Иҭыҵуеит аҩыџьагь, ҧшьаала, Иордан —
Жәҩангәашәҧхьарахеит! —
Игәеиҭеит Иоанн:
Аҳәыҳә сахьа иҭаны дцәырҵит, абан,
Ажәҩан ахьаатыз — Аҧсы Цқьа Ихаҭа,
Уахьынтә дизылбааҧшит,
Аргама ибауеит,
Ажәҩан иаҵәара кеи-кеиуа ихтуеит…
Абар, наҟ-ааҟ еиҿаҧшит ҩ-блакы,
Аҧсы Цқьеи Аҧеи еилаҵәо, еизгәыкы,
Амҩа лашоуп иҧшьоу агәҭакы!..
Ус, ажәҩан ахьтә, мчы аман, иааҩит абжьы,
Зегь ҧызҟо, имҩақәызҵо ижәҩантәу абжьы:
— Ари са сгәаҧхара змаздаз Сҧа иоуп!
Бзиабарала сыззыҟоу Сҧа иоуп!
Гәы цаҳә-цаҳәла сызҧыло Сҧа иоуп! —
Ҩашьарак ақәума Аб гәакьа ибжьы,
Еилагылеит Аҧа ихәы-ижьы! —
Иаҳауеит, иныруеит, изгәакьоуп Иисус —
Анцәа Иҧа, Анцәа иӡатә, Анцәа исыс!..
Абраҟа данӡаахха аҽны инаркны
Иҟалеит Иордан еиҳагьы иҧшьаны,
Еиҳагьы иуҧхьо, еиҳагьы ицқьаны,
Ҽакала иазгәакьахеит жәҩан Аҧсҳара,
Убас аиҧш ала инеиуеит иара —
Ахы ахьыҵнахуа, иахьдәықәло инаркны
Иаауеит ҧшьа ӡиасны, ихирны, иразны!

***
Дылбааит абри ашьҭахь Аҧсы Цқьа лассы,
Иаса Қьырса дима, дласы,
Ацәҳәыра сакарахь доуҳала дигоит,
Ус аиҧш ала аҭәан ибоит…
Дыҧшуп уа аҩысҭаа!.. Агәырӷьа дагоит,
Мыш ҩынҩажәа ихыхра, иҧышәара цоит:
Ацәгьаршҩы — аҩысҭаа диҵоуп, дихоуп,
Уи аханатә Иаса Қьырса диаӷоуп.
Аҩысҭаа ҩысҭаарас иҟоу иҽазкы,
Ицҟьар иҭахуп Аҧа игәҭакы,
Уи идуура, идунеи, Иҧсҳара…
Заҟа-хк изааицеи, дҧишәеи заҟа,
Зны абахә ҩаӡараҿ: уҧ ҳәа ҵаҟа!..
Агыгшәыгқәа дрылаҵа, уи ала иара
Дашьҭан иларҟәра, иршәара, ихәжәара...
Ицәыригеит ус, аа, иҿаҧхьа убра
Адгьыл абеиара, уи ахаҿра:
Ақалақьқәа, аҳҭынрақәа,
Асакарақәа, ашьха дуқәа, ахәқәа,
Згәыҳәҧы хту аҳәса инадыркны,
Урҭ ражәа хыхга, ргәаҳәа инаркны…
Ахь ҽыуардынқәа, инеиуа иҧырны,
Ахан хьыҵәцарақәа, заҟа уҭахыу…
Адгьылаҿ иҟоу, амшын аҿ ихыу —
Дрылаирҧшит, иирбоит изакәу…
— Абарҭқәа, абарҭқәа зегь усҭоит уара,
Ушьамхнышгыла, абраҟа, сҿаҧхьа, асаара!..
Иисус уи данышәом, диҿагылоуп хаха,
Иҵабырг икуп хацәнамырха:
Иааҧшуан Анцәа идуура, Иҧара,
Имч — игәаҳәара аиааира агон,
Еиҳа-еиҳа имап шимапыц игон!..
Диҧсахрызма Уи Анцәа ду?
Иџьарымҩа, иаҧхьа ишьҭоу, дызқәу?
Аҧсыҭира, агәыҭира иаҭәоу иара?..
Идыруеит иҧеиҧшу: дкыдҵан ашьра,
Иалихуеит Аб идунеи, Иҧсҳара!..
Иалихуеит уи ихатә гәаҧхарала,
Аб ила иаҭәашьоуп ус лахьынҵала!

Иқәымҿиеит аҩысҭаа! — дцеит дыҭҟьаны,
Гәаӷрала, шьыцрала деиҵаҭәны,
Диҧырҵт уажәазыҳәа, иҵыхәа лакьҭо,
Еилкаауп, иҩашьом игәы иҭоу, ихы иҭоу…
Ацәҳәыра ҭацәит, асабеи аҧшеи
Ирымҽхакуп уа иахьеи-уахеи…
Иааҧшит даҽазнык абри алагь абра
Иаса Қьырса — Имчра, Иаб Иҧара!..

***
Ус, ажәабжь гәыҭшьаага анааҩ имитәха,
Аҳ Ирод26 идҵала Иоанн данҭаха,
Иаса Қьырса, ирҿыцуа, иӡырго ҧхьаҟа,
Иоанн иажәа имда — еиҳагьы иаҧсаха,
Дахылт Галилеиа, иматанеира рызкха:
Агәнаҳа хыхра, Ижәҩантәу Аҧсҳара,
Уи акәын иажәа, Иуасиаҭ, иҵара —
Жәлары зегь еицыртәын, иауан хадара,
Дауриаз, дауриамыз, дбырзеныз иара,
Милаҭла еилыхмызт, еиҩшамызт џьара,
Уи ала ирыцқьон, еишьцәеитәуан жәлара.
Дӷарыз ма дӷармыз Иисус из аӡә роуп,
Аӡӡаахра здызкылаз — Иуаажәлар роуп,
Дхаҵаз, дыҧҳәысыз, дсабииз иара —
Ԥырхагак, ҧынгылак ыҟам џьара,
Иҧшьоуп убри ала, иагьыхьчоуп дара.
Ираҭәамгьы арбан? — агәнаҳа аура,
Уи иаҵоу, иаргәаҟуа — дашьҭаз ахьхәра!..
Изқәиҭым ҽакгьы: иаҧу ашьоура,
«Са соуп иара зуша!» — игоит Ихахьы,
Иҳақәиҭу идикылт — иуит ҭынхара,
Ус агәнаҳа иаҵалаз ишахәҭоу иахьырхәра.
…Абри акәын игәхьааз, иҧсы зыҿҳәараз,
Иаб иахьынтә иааҩуаз, ес-шар иаҳауаз,
Есааиратәи Иажәа, есааиратәи иуаз...

***
Иордан ҧшьа сӡаалт, уаҭәашәпара еиҳаны,
Сӡаагылоуп, сгәаҳәо, сазхьны,
Иаауеит ажәытә ишаауаз — ихәашьны,
Ӡиасқәас иҟоу зегь реиҳа ицқьаны,
Ԥшьаала аҽырҭынчны, аразра иатәны.
Аханатә жәабжьны ирҳәо акоуп:
Иисуси Иоанни ахьҭалаз аброуп,
Аҧсабара анышәҭуаз аамҭан, ааҧынран!..
Араҟа аӡҭаларҭа маншәалан ибон
Ажәлар ӡаазхуаз, ирыҧхьоз Иоанн.
(Ҽаџьара, аҩада, илеиуеит иаӷьны,
Хәыҷи дуи зҭалом ус игәаӷьны).

Сҭоуп саргь абраҟа, агәра сызгом,
Еиҳау насыҧкгьы ыҟан избом,
Мшаҧ ныҳәа исзаҩызоуп, аҭыҵра сгәаҧхом!..
«Уҽрыцқьа, агәнаҳа иумоу уахьхәы!» —
Бжьы маӡак сыҧхьоит, игәырӷьоит са сгәы!..

***
Сҿынасхеит ус Иордан ахахьы —
Аҩада, иахьылбааҽҽо еиҳа аҽырӷьы:
Ахаҳә дуқәа, абнара, аӡ ҭаҽҽақәа,
Урҭ ихаргало, ихдырчыло аӡ-шәах
Удыргачамкуан угәы-уҧсы рҿых!..
Ажәытәтәи аҧсабара, аџьра, аҧсҭа,
(Бзыҧ аиҩхаа аӡышьҭра-хага ахаҭа!..)
Аҧсыӡкцәагь убас — иҭадыршәуеит рыҵәгәыр…
Аџьра, адаҧара, абна, амаахыр,
Акактус, аҧсаҵла, аҧҳәаса, акаҵхәыр,
Ашәра, акаламра, абнаӡахәа,
Апальма, амыҵмыџь, амжәаҵла, алаҳа,
Иарбан хкы-хкыла узнымио ара?..
Ихәыҵҟьо аӡыхьқәа, Иордан ҧшьа иазцо,
Ушьапқәа ирыҵыҽҽо, угәаҳәа ҟазҵо,
Аҧсаатә ракәзар — рашәа хаа аҧҵо…

Унеила ахаҳә дуқәа урықәысуа, унаскьо,
Абна мҩахәасҭа уанны, укәараҵо,
Иубо, узлаҧшуа Иҳақәиҭу иџьшьо!..
Цәҳәыроуп, шьхароуп, хаҳәроуп Палестина,
Араҟа џьанаҭуп, ухнахуеит ашана —
Нцәа ҭыҧуп, Нцәа тәарҭоуп —
Ус ала ишоуп,
Аӡыхь цәыкәбарқәагь Иордан аиҧш иҧшьоуп!..

IX

АЏЬАРМҨА
Аханатә иҟан Ажәа,
Инцәан убри Ажәа.
Иҟан уи Анцәа иҿы —
Аханатәтәи Ажәа.
Иҟалозгьы ҟалон Иара абзоурала,
Ҟалашьагь амамызт уаҳа ҽакала.
Аҧсҭазаара алан — Иажәа лашаран,
Иазымҵәахт уи Ажәа лашара лашьцарак!..
Уи Ажәа цәеижьхеит, ирбеит лабҿаба:
Анцәа ихаҿра, имч, уи идуура,
Аҵабырги алыҧхеи ирзаҧу адунеира!..
Уи Ажәа зҭааз длашоит гәыбылрала,
Иҟалоз ҟалон уи Ажәа абзоурала!..
Уи шан, иаҧын —
Иаҧҵахаанӡа Аамҭа.
Ақәра ҧкым —
Инаӡаӡоуп ахаангьы:

Лыҧхоуп, маӡоуп, ауразоуроу,
Уи амаӡа аҵанӡа аӡәыр днаӡоу?..
Иара иҳәахьалоуп иаҧу зегь шаҧу,
Илшоит уаҩ илымшо —
Иџьшьатәу, имбатәу!..

***
Абар, шәазыҧшы раҧхьатәи аџьашьатә-шана,
Иҟалеит ари ахҭыс Галилеиатәи Кана…27
Уи Назареҭ иацәыхараӡамызт,
Уаанӡа, ҵаны, мыш ныҟәарагь бжьамызт!..
Чаран аҽны, уахь днаҧхьан Иисусгьы,
Ихала иакәымызт, дыҟан уа Иангьы.
Убас иҵаҩцәа — апостолцәа рызегь,
Ирықәныҳәон зыҧсҭазаара еилазҵоз аҩыџьагь.
Илхаиршәит амаҳә аҭаца акасы,
Иаанагон: балкаауп, ибылоуп сыҧсы,
Сбывагылоуп, бсыхьчоит, бсыҧсахуам бзанҵы! —
Дгылан деинаала, иреиӷьыз аӡәны,
Лшьапы ҧшӡақәа, лӡара —
Дгылан дыцәны!..
Аҭакгьы ҟалҵон лара уа:
Ҩ-гәык еилаҵәон,
Абзиабара наҟ-ааҟ ихышхыҵәон…

Иара иакәзар — маҳәҵас
Дгылан хьӡы-ҧшала, уаҩрала,
Гәыбылрала, ҟазшьала…
Итәыла-ҧсадгьыл азыҳәа енагь
Ифырхаҵоу аӡәны, даҧсаны…
Иани иаби дрыхӡыӡо, ибауа,
Ражәра, рлымшара шаҭ —
Ишаҳәо, ишатәу аханатә
Жәытәи Ҿатәи Руасиаҭ!..
Уаханахыс рцәеижь — цәеижькны еилалон,
Уаханахыс — рхы-рыхшара еиҵагылон:
Аҩыџьагь Аӡәуп — иҟам еилыҵшьа,
Иҟам — еицәыӡшьа — еиҧырҵшьа…
Иҳақәиҭу иҿаҧхьа изаҵәуп…
Реицра — ҧсҭазаароуп,
Гәыхәтәы наӡароуп,
Мацәыс еимҟьароуп, мгеимцароуп,
Ихра ҩаӡароуп!..
Реицра — гәыцқьа-ҧсыцқьала
Ҩныҵҟала иртәхароуп,
Ҵа змам хаара-бзаароуп,
Иҿымцәо цәанырроуп!..
Уажә араҟа, абар, аҩыџьагь ирчароуп —
Мчыбжьы наҟьак гәырӷьароуп,
Ишаҧу аиҧш ицароуп!..
Иааҧхьаз рацәан — ааигәантәи харантәи,
Асасцәа тәан, иццакуамызт арантәи.
Агәырӷьа иатәын — кәашаран, шәаҳәаран, —
Аҩымаа, ахымаа
Рышьҭыбжь ауман, —
Урытҟәон, ухы ухашҭуан аргама!..
Иржәуан еибаныҳәо аҩы. Ус, аа, Мариа
Днаидгылт Лҧа:
«Аусқәа рацәакгьы ибзиам:
Инҵәеит ауп аҩы, ирызхом, ирыҧсыхәои?..».
Иаса Қьырса, Иан даарҭынчны:
«Абыржәыҵәҟьа аҧшәма симыхәои:
Иҭацәны иҟоу аҧҳалқәа ӡыла ишәырҭәы!..».
Дыҧшын, дааҭгыла, дыҧшын…
Идыруан: инаӡон иҳәатәы,
Иман уи агәрагара, ахаҵара.
Хаҵарада узихәом аӡәгьы,
Зегь рышә аркуп, иаатуам акгьы…
Ус ауп ари — иахьагьы уаҵәгьы:
Хаҵарада духәом иара Анцәагьы!..
Ӡыла идырҭәит ихыхәхәа…
Иаразнак иҩитәит!..
Ачарахылаҧшҩы диҧхьеит, ииржәит:
«Зеиӷьыҟам аҩы, аҩы ссир, аҩы хазына,
Аиҧш зеиҧшугьы сымжәыц, аиашаз, макьана!..».
Иаҵашьшь иржәуан, иргәаҧхон, иртон — инҵәомызт,
Аҧҳалқәа шҭәыц аиҧш иҭәын — ирыгхаӡомызт!..
Ажәлар ирбеит Иаса Қьырса раҧхьатәи ишана,
Ахаан иухашҭуама ари, Галилеиатәи Кана!..
Алымҳа зман иҟоу уи аӡбахә идырааит, иаҳааит,
Зла иабо, илашәым, ас шакәугьы ибааит!..

***
Амшаҧ мшқәа ааиуан шьҭа лассы.
Иҟан ахыцәхәыц еизаразы —
Иаса Қьырса Иеруасалимҟа дцоит —
Идеизалоит, аџьшьахәқәа ирҿиоит.
Даҭааит ус аныҳәарҭа — абааш,
«Џьармыкьаҭыҧхеит!». Ԥхьаҟагьы еицәахашт:
Акәша-мыкәша, аҭаларҭа уҳәа,
Аџьмақәа, ацәқәа, ауасақәа,
Убас аҳәыҳәқәа (ҧсаҭатәқәоуп урҭгьы),
Шьапыргыларҭа ыҟамкәа иҭәуп,
Аҳаҳаиҳәа ахәаахәҭра иаҿуп!..
Хазы итәоуп аҧара зырбго,
Зус иалачо, иумырбаӡакәа изго!..
Аныҳәарҭа — иара Иаб Иҩны,
Цқьа ҭыҧс иалхыу, Анцәа иус иатәны,
Иахысуеит, абар, ишьаҟьаны,
Аҳаҭыр асаара иларҟәны!..
Инхәыҵакны абааш-уаагь ари аус
Иалахәыуп, иазыҧшуп аҟәрышь,
Ироуеит, ианаамҭоу, хрыжь-хрыжь!..
Изҭиуа — ахә ҳареикуеит хынтә,
Иаазхәауа убри диҳәоит жәантә —
Еиҳа еиҵеитәырц, дизхәыцырц Анцәа!..
Аҧсаҭатә рыҟаабжь иамам ҵыхәаҧҵәа,
Урҭ рышьҭыбжьи аныҳәареи еилалт,
Абааш рымҽхакуп! Иҳақәиҭу ицралт
Абраҟа иибо, абра дызлаҧшуа…
Ашаха хҵәахақәа еидкыло, еиҿаҧшьуа
Аҟамчы иҧахит! Икит иҟьауа,
Аҧшьаҭыҧ иахабабаз цҟьауа!
Иҵихит урҭ аҟамч ҧҵаҵа,
Иаҧсамкәа иахыз жәларыуаак ҧхаҵа!
Аб ибааш, зцәа ҧырҽыз лабҿаба,
Ирыцқьауеит — иаҧсахаз Аҧа!
Ираҳауеит имцаҧшьны, иџьбараны:
«Џьармыкьа ҭыҧым сара Саб Иҩны!».
Рырахә-рышәахә ҧхеиҵеит наҟ хара,
Аҧарарбгаҩцәа рҧарақәа асаара
Икаижьит, реишәақәа ицҟьеит —
Ихирбгалеит! Зегь рыҧсы рыхҟьеит.
Иазыҧшымызт ас аиҧш урҭ зынӡа,
Рцәеижь ианырт иҟамчҧҵаҵа!..

Ирылеиҳәеит: «Ишысҳәауа иҟашәҵа,
Игәнышәкыл, иазхашәҵа, инашәыгӡа:
Ара иҟамлааит уаҳа шәхабар!».
Аиудеиаа дҵәылырхуеит, абар,
(Акала даҿаҧҽтәуп ҳәа иҧхьаӡа)
Рызҵаарақәа, ргәынхарақәа еишьҭаҵа:
— Иарбан мчу иузырҟаҵо ари?
— Сымчратә аргама ишәымбари,
Сҧышәшәозар: абри абааш шәырбга,
Хаха-хымш рыла, сыгәра жәга,
Ишыҟаз ала иара шьақәсыргылоит! —
— Ари аныҳәарҭа жәашықәсала идыргылон,
Уара уи аҧыуҵоит хымыш рыла? —
Ираҳаз иахыччеит аҟыр-ҟырҳәа…
(Ицәеижь бааш ауп ус аиҧш уи иззиҳәа!..
Иҵаҩцәеи иани абраҟа еилагылан…
Данкыдырҵа ашьҭахь хымш рыла
Иҧсы ҭалеит — ныҳәарҭак даҩызан,
Дбааш хьыҵәцаран, дынцәахшан, дырҧызан.
Ихтымызт уаанӡа иажәақәа змааназ,
Иосиф иоуп дызхылҵыз ҳәа ианшьаз…)
Имаҵура — бааш рыцқьарала икит,
Абраантәи имҩахь дыццакит…

***
Дынхалеит ашьхара, иахьҭынчроу, иахьыцқьоу,
Иҧшуп иҵаҩцәа зегь, ҷыт раҩшәар ауоу!
Ииҳәо ауаз — игәаҳәа, иҧшьоу —
Иеиқәхаран иҟоу, насыҧ лаша змоу,
Ирзикит, дрыҧхьоит абас аиҧш дырҵо:
Бзазара рымоуп доуҳала зҽыздыруа —
урҭ Ажәҩан Аҧсҳара ртәуп.
Бзазара рымоуп иҵәыуа, урҭ агәҭынчра роуеит.
Бзазара рымоуп цәгьара злам, урҭ адунеи ртәхоит.
Бзазара рымоуп аиаша-ҵабырг иазгәышьуа, иазӡышуа,
урҭ ргәы-рыҧсы уи ала иҭәхоит.
Бзазара рымоуп арыцҳашьара злоу, даргьы
рыцҳашьахоит.
Бзазара рымоуп згәы-зыҧсы цқьоу, урҭ
Анцәа дырбарҭоуп.
Бзазара рымоуп аиныршәаҩцәа,
урҭ Анцәа ихшароу ракәхоит.
Бзазара рымоуп аиаша-ҵабырг аҵыхәала ирылцоу,
урҭ Ажәҩан Аҧсҳара ртәуп.
Бзазара шәымоуп шәарҭ,
Сара сымшала аума анышәзаарцауа,
шәаныҧхадырсуа, шәанҵәылырхуа;
Агәеиҵыхра шәымаз, шәгәырӷьала, избан акәзар даараӡа
идууп ажәҩан аҿы ишәзыҧшу аҳамҭа:
убасҵәҟьа иҧхадырсуан шәара шәаҧхьа иҟаз
аҧааимбарцәагьы.
Шәара — адгьыл шәаџьыкоуп. Аџьыка амч ацәыӡыр,
ҵаашьас иамоузеи? Усҟан уи акгьы иаҧсахом…

***
Идирҵон уи аныҳәашьа, ишатәу ҳәа иҧхьаӡа,
Ажәа мыцхә адымгала зынӡа.
Иалкаа идирбон, иреиҳәон хра злоу,
Ныҳәа ажәас иҟоу рыбжьара ихадоу:

Жәҩан иҟоу Ҳаб,
Ицқьахааит Ухьӡ,
Иааиаит Уара Уаҳра.
Иҟалааит Уара угәаҳәа,
Хыхь, ажәҩан аҿ аиҧш ҵаҟа,

адгьыл аҿгьы.
Иахьа зда ҳхәарҭам ача ҳаҭ;
Иҳанажь иҳақәу ауалқәа, ҳара
ҳтәы зқәу ишранаҳажьуа аиҧш.
Ацәгьаҧышәара ҳалаумгалан,

аҩысҭаа ҳаицәыхьча.
Избан акәзар Уара ҧымкрада
Аҳреи, амчреи,

наунагӡатәи ахьӡ-аҧшеи умоуп.
Амин.

***
Галилеиа ахы-аҵыхәа, Иудеиа —
Ажәлар дрылоуп, дныҳәо, дматанеиуа.
Ауааҧсыра ишьҭоуп, ҵҩа змаӡам,
Ихаҭа ахӡыргара дашьҭам, итәӡам...
Аӡбахә имоуп есааира Аҧсҳара,
Арыц хәыҷ аҵәыӷьара, аҧсра —
Аиҭеира, аҧсымыҧсра, аӡбра,
Иуҧну, иуеиҧшу игәыбылра,
Агәнаҳа ахыхра, ахьхәра —
Абар уасхырс иамоу иҵара! —
Иҿыцуп, ирмаҳац, ихазуп.
Иаӷацәа ишьҭоуп: «Ииҳәауа мцуп!..».
Ирзыхгом аџьшьахәқәа дызҿу,
Иажәа амч-алшара закәу,
Дцәырымҵыц иара иеиҧш зеиҧшу!..
Ицуп апостолцәа — иҵаҩцәа,
Ицуп ишицу аб иҧацәа,
Изыӡырҩуеит есааира дџьашьаны,
Ииҳәо, ирбо иагоит итҟәаны,
Ицыршәом жәаҩаҩык ес-ҽны!..

***
Афарҭын ӷәӷәа ҵысит, ижәылоит амшын…
«Иҟоузеи ҧсыхәас?». Агәамҵра иаҿын,
Ашхәа ҧеиҧеиуа амшын ҵаа ихын,
Апостолцәа ҭынчымызт, ҳӡааҟәрылоит ҳәа иҧшын,
Иаса Қьырса дыцәан уаҟа дҭахәхәа!
Ацәқәырҧқәа жәылон, ашхәа иаҿаххуа —
Аҩнуҵҟа иҭатәон, ӡыла ихҩауа…
Ддырҿыхоит Иҳақәиҭу, «ҳҭахеит» ҳәа изҿыҭуа!..
Уи акәхеит, иаразнак иҳәынҷеит аҧша.
Ус иҟан игәаҳәа, ус иҟан илша!
Ирыгызгьы рцәимӡеит, уаҟа идирдырт —
Ҽыҧныҳәан ириҭеит: «Анцәа дхазымҵо шәарҭ!»
Ирҳәо рҿашәом, игачамкит урҭ, ааи,
«Дызусҭада абас амшыни аҧшеи
Зҳәынҷо, ириааиуа, зҳәатәы иазырго,
Ауаҩытәыҩса имч-илшара иаҧго?».
Аҭак роуам, ихтым… Иҭынчуп амшын.
Ирбаз рызхамҵо аиҿаҧшра иаҿын!..

***
Иҵаҩцәа ауыха амшын гәахь ихын,
Иҳақәиҭу агаҿахьтә урҭ дырзыҧшын.
Ишәарҭахеит ашхәа: иаҿасуан аҧша,
Иаса Қьырса амшын ахь шьаҿа-шьаҿа
Иҿынеихеит, дықәныҟәа, дгьылҵас дахын,
Убла дабомызт — аамҭа ҵхын…
Ус ацәқәырҧ дрыхгыла рымҧын даннеи,
Дырбеит, аа: иаразнак арҵәаа имыҳәҳәеи:
«Ари лаҧшҵашәароуп, шаноуп, аиеи!»

Иҧсымкәа-ибзамкәа рышхәа иҭатәоуп:
«Ишәыхьи, шәымшәааит, ари Сара соуп!..».
Ашхәа днарыцҭалт, иеихсыӷьит аҧша,
Ус иҟан игәаҳәа, ус иҟан илша,
Дыхныҟәон амшын Иисус Анцәахша!

***
Ишьҭала рҿынархон дахьнеиуаз, дахьцоз,
Иӡбахә иаргылоз, иажәа агәра згоз.
Ицын ицрымшәо Иара иҵаҩцәа
Ицын есааира, ргәаҳәа карҵәа.
Цәҳәырак иахуп, аа, ихәылҧазуп,
Изыӡырҩуа ажәлар аимпра рҭахуп.
Иҵаҩцәа неины иазҵаара иаҿуп:
— Ирҿаҳҵарызеи? Хә-чаки ҩ-ҧсыӡки,
Абар ҳара иҳамоу — дара хә-нызықьҩык!..
— Исышәҭ урҭ арахь!.. Жәҩан иаирбеит,
Ахә чак, ҩ-ҧсыӡк дрыхныҳәеит, иҧшьеит.
Аџьашьатә шәалаҧш: зегьы ирызхеит,
Уимоу ирзымфаз калаҭла иаанхеит!..
Ари — барақьаҭран, иатәын аҽаҩра,
Аизҳа-зыӷьара, абзанхара!..
Иаӷьуан, игәамҵуан уа иаӷацәа,
Ирзеилкаауам иҟоу, иҭаӡыӡоит рцәа!..

***
Дцон дкараха, аҽнынтәарак дымлашьуа,
Алаҳа днадгылт, амахәҭақәа дырҿаҧшуа…
Хынтә иҿалоит, апатҟәыр ылга, ес-ааҧынра,
Ҽаҩрак иеиҧшым есааиратәи аҽаҩра!
Иманшәалоуп: амахәҭақәа хәахәаӡа,
Абыӷь ҟьаҟьақәа џьаџьаӡа, ижәпаӡа…
Блала еимидоит: иҟалазеи, шәырк ҿаӡам,
Бӷьы мацароуп, дамҵагылоуп ак иаҧсам!..
Дақәшәиит уаҟа: «Шәыр уҿамлалароуп бзанҵы!..».
Иара уи акәхеит: инахыҵит уи аҧсы!..
Абар, аџьшьахә! Аҵла ас аиҧш анаҳа —
Иныҵҩаа ицеит ибӷьымацараз алаҳа! —
Иҟам уаҳа ак аҿалауа, ишәҭуа,
Ак зҿало ирылагыло — ужьауа!..
Идыруан заа: ишыҵҩаашаз уи адац,
Ишәи ашьҭахь иҟазу иара ӷьацарц?..
Игәаҳәа иалшон ашьха дуқәа рырҵысра,
Рҭыҧқәа ҧсахны даҽа ҭыҧк ашҟа ргара! —
Убас иҟан имчра, идуура, ихаҵара.
Ихазымҵаз — даднакылоу Аҧсҳара?
Аџьшьахә шана шаҳаҭс иауит иҵаҩцәа,
Рырҵаҩ ииҳәаз, аҵла иазикыз ҩажәак роуп:
Ахы инаркны ақәцә аҟынӡа иара ҩоуп!..
Ас зылшо, узыршанхо — уи Дынцәоуп!..

***
Ус, абар, саҭааит Назареҭ,
Асиногогаҿ исдырбон ҭыҧ-ҭыҧ
Аҧхьара — аныҳәара ахьцоз,
Иаса Қьырса дахьықәгылоз, дахьтәоз.
Аҧшьаҩыра хҩылаақәа рҳәы-рҳәны
Библиотекан иахьеиқәыз ирҽ-ырҽны…
Ажәытә хыбра еилаҳахьеит, ҵаны,
Ашәышықәсақәа иқәырҵеит ицҟьа!
Аха иубоит: агәашьақәа, аҭыӡқәа,
Ажәа ҳәарҭа, ашә ҭыҧқәа, иҭацәу,
Атәараҭақәа… Аҩыра Цқьа иану
Иахьаҧхьауаз инеины, иҩагыл,
Моисеи иҳәамҭақәа еишьҭаргыл…
(Шықәсык ала ирыҧхьауан хәы-шәҟәык,
Игәныркылон, иазыӡырҩуан жәларык).
Аҧхьара ашьҭахь аимак-аиҿак цон,
Гәҭыха змаз игәҭыхақәа иҳәон.
Доус иус-иҳәыс еилдыргауан —
Иаҧыз, ианыз ҧҟарала ирыӡбауан.
Ажәабжь ҿыцқәа рыӡбахә раҳауан,
Асинагога есааира аус ауан.
Ныҳәарҭас Ҳазшаз ила иаҧҵан,
Амчра аман, Иара ила иҧшьан!
Аҧҟара еилазгоз — дрылырцон хара,
Ахырҽеираз ирҭон аҿҳәара…

Синагогала Палестина хҟьан,
Қыҭоума, қалақьума — иаҧын,
Жәаҩык ахьыҟаз аус ауан, иаартын.
Сыҩнагылоуп урҭ руак уажәы…
Еилыскаауеит ахы-аҵыхәа цқьа,
Иаса Қьырса иаамҭахь снаскьа…
Назареҭ — ҟәаҧа-ҿаҧа қыҭоуп —
Ишьхароуп, ицқьоуп, аҳауа зҩыдоуп,
Анцәа Иан дахьизгьы иара аброуп,
Ахыбрақәа — аҿаҩа иаҿаҧсоуп…
Ахыбра аҩнуҵҟа алашара акын —
Уахгьы-ҽынгьы, ус ара иаҧын,
Алашьцара аҧхаҵара иазкын.
Иааргомызт аҧсаҭатәқәа арахь,
Рхы кыдын есааира Анцәа иахь.
Аҧареизгаҩ, аҟаруыл, ахантәаҩы —
Амаҵ азыруан шьардаҩы…
Есааира уи иаҭаауаз ауаа,
Убас атәыла иаланхоз жәлара —
Изыгәхьааз уи ажәытә-аҿатә —
Еицҿакны иазгәаҟуан аханатә
Аиқәырхаҩ — Мессиа — Анцәа иира:
Иаса Қьырса адгьыл ахь иаара,
Илбаара, Иаҳра, Иҧсҳара!
Уаҳа чҳашьа амамкәа изыҧшын,
Ес-иаашар иӡбахә рҿакын,
Игон уи ихьӡала «Амин!..».
Уажәы-уашьҭан иазгәаҟуан уи иаара,
Иҿызхшаз ихыццакуан жәлара!..
Абраҟа, аныҳәа-ныҧхьараан зны,
Ианеилатәаз, сабша мшык аҽны,
Иаса Қьырса, ацәажәарҭаҿ дҩагыл,
Аҧшьаҩыра ашәҟәрҳәы аанкыл,
Ииҭахыз аҭыҧ аҟны дааҭгыл,
Исаиа иажәақәа ааганы —
«Мессиа соуп» ҳәа рылеиҳәеит жәлара,
«Са соуп жәҩани дгьыли Рыҧсҳара!».
Абасала иҽааиртит абра:
Ирылеиҳәеит Имчра — Инцәахәра!..
Ихагахеит! Иргозу уи агәра:
«Ихыҭҳәаауп», «имцуп» ҳәа рыҧхьаӡеит,
Ижәлеит, изыҵҟьеит — мбатә ҟаларц,
Иара абра рнапала дҭадырхарц!
Ииулак, машәыршәа уи дрыцәцеит,
Иҧсы рцәигеит, дрымҟәыҵҵәрааит — дҧырӡеит!
Абрантәи Капернаумҟа дцеит…
Ирылеиҳәаз — мцабз қьауқьадны ирхысит:
Иҳақәиҭу Иажәа иармацәысит…
Иқыҭа гәакьаҿ ижәлеит, дыҧхадырсит —
Дазханаҵом, ааи, аҧааимбар итәыла,
Иқәгылоит «ус акәым» ҳәа иҿагыла!..
Ҳамҩаҧгаҩ адәықәлара даҿуп,
Абри ахҭыс ахьыҟалаз сыҧшуп...

***
Силоамтәи28 аҽыкәабарҭа, аӡҭаҷы,
Иҳақәиҭу иуаҭәеишьеи заҟа мчы!
Ҳазшаз иажәа, игәаҳәара наӡауан:
Илашәны ииз иблақәа абра ихтуан!..
Иџьашьахәқәа иреиуаз акәын, имбатәшәа
Аӡбахә рылан, еиҧхьбомызт аҭыӡшәа.
Ихароуп ари аӡышьҭра аҭоурых.
Абахә дуӡӡа џьаз еихала иҭаҧҟаны,
Арахь иааган, мҩахәасҭаҵас иҭшәаны —
Уи ада ҧсыхәак ыҟамызт уа зынӡа:
Инагӡан Изекьиа29 ду идҵа,
Иерусалимҟа аӡы неиуан иҭҟьаны,
Уи уахь ицон аӷа изынгьы имаӡаны!..
Сҟьалан сҭалт! Убас сыхьит уи аҽны,
Сишьҭоуп сымҩаҧгаҩ, уи дыҟам, сцом схынҳәны:
Ҳаишьҭоу џьысшьоит, ихабарк зынӡа избаӡом,
Сыӡит — дыӡит, џьара сылаҧш ихьӡаӡом!..
Иаауеит аӡы — асакара малқәа рмал! —
Иаанагоит абахә шьанҵа, атоннель:
Уаҩышәара, уаҩышәпара еиҳаӡам,
Наҳәааҳәырҭак аман иҟам — иҭбааӡам.
Аӡы мҩахәасҭа ара бзанҵык иҭабауам,
Уи амчала Иерусалим ду ӡба иакуам!
Х-нызықь шықәса ирзыҧшуеит уажәшьҭа, абар,
Ишаац иаауеит, иагхом, иацлом ацәыкәбар!..
Иҿацоуп, ихьшәашәоуп — ӡынгьы ҧхынгьы иаҟазшьоуп,
Ныҟәашәак ауп иара ацашьа — ус азшоуп!
Сӡаагылоуп Иҳақәиҭу иӡыҧшьа,
Сҧишәарц аума? Харак сымоу? Ус ишьа!..
Салоуп абахә. Амҩа цоит иҭаҧҟаны,
Сахьцо, сахьыҟоу? Мап, исзаагауам схахьы!..
Сҭоуп аӡышьҭра, иара ҩеиуеит шьамхахьы…
Шәаӡыӡарак сеимнадоит, иҵабыргны,
Аура — анҵәамҭа: иҟоу сымам еилкааны!..
Абахә нымҵәа, аҳаҧы лашьца сҭакуп,
Нахьхьи-аахьхьи цәашьқәак аарлаҳәа иакуп,
Наҟ-ааҟ ҩ-ҭӡык сеидырӷәӷәала срыбжьакуп.
(Сшьапқәа хтуп, ааи, амаалықь иеиҧш, ихьҭакуа,
Аӡыхь цәажәоит, исыҵахәмарноуп ишцауа —
Ԥшьаала, ҧшьаала… ацәқәырҧ маҷқәа еихьӡауа,
Убас ҧшьаалоуп Аҧсҳараамҭагь шаауа!..)
Уцала, унеила, уҧсы ӡауа, унапыршьышьуа,
Уҧызшәауа ари амҩа ишауа!..
Шьаҿа-шьаҿа, убас, уахала, иҧла,
Ушьацәкьарақәа иуҵарҳәо агәра гала!..
Шьаҿак аума, изыҟами зықь шьаҿа,
Исыдибалт, аиашазы, аӡә аҿа!..
Ашәыргәында дагарын ара агәыҭҟьа,
Аӡыхь цәажәоит, ҭынч инеиуеит, ахьхьа-хьхьа…
Абахә бахҭа, адеимаҭхан лашьца сҭакуп,
Абахә аҵа — аҵауылара сахыуп,
Быжьрабыжьҵәа ахьыҟоу акәхап — илашьҭуп…
Унапы наӡартә аҭуан лашьца ҳаракуп,
Акырџьара ухы узымҩахо илаҟәуп!..
Аӡы сашьҭуам, абахә сашьҭуам — ицалатәуп!..
Аҭӡы сахәуеит, ицҳафыруп — ичҳатәуп!..
Смашьхәылҵ, убас снацәкьарақәа шьала ишәуп,
Исшәу, исышьоу рыгәхьаа зкыда? еилабаауп!
Угәуҽанызааит! Хланҵы уалаҳап аӡы!
Иухәода? Ушьҭызхуада? Уазҵаа аҭӡы!..
Сгәы иааҭысҳәааит, сшәазар акәхап, иӡатәым,
Сыҧсуазаргьы са сыҧсааит Иерусалим!
Судкыл усҟан, о, ижәҩантәу, Иерусалим!..
Ус ашәа ҧшьа!.. «Аллилуиа!». Араҧцәа роуп!
Саҧхьа инеиуан, дареи сареи акыр ҳабжьоуп,
Ирымыздоит «Аллилуиа» ҳаракны,
Исымҳәац уи абас ала знымзар зны!
Исҳәон гәҭакаала — Иҳақәиҭу иаҳаратәы,
Абахә аҵа дихылаҧшырц иара итәы!..
Исҳәоит ишьҭыхны!.. Аха араҧцәа ираҳаӡом,
Дара неиуеит, сара срышьҭоуп, ҳаихьӡаӡом,
Рымҩа рдыруеит, иахьцо иацәҩашьом, ишәаӡом,
Жәларык еицуп, рыбжьы халоит — са саӡәын…
Ҳаидыркылон «Аллилуиа», убас — «Амин!..».
Ашәа ааныжьны, сгәаҳәо, сиашьапкуеит Анцәа:
«Лыҧхала, хирла ари амҩа аҵыхәа ԥҵәа!».
Уи еиҭасҳәон, Анцәа сиҳәон, сизгәышьны,
Даҽа ныҳәоуп ицәыруго аҳаҧаҟны!..
«Аллилуиа», абар, ирымыздон ҩаҧхьа,
Исҳәоит ишсымчу, сгәы-сыҧсы зегь ааҭыӷьӷьа! —
Уи уарӡыӡоит! Иҧшьоуп акала аҳаҧаҿы,
Исҭахуп иҩеирц, инаӡарц Аҧсҳараҿы!..
Ус, абар, сагәылсит абахә! Уи ауман.
Лашарак хәыҵаҷҷеит, сеибгоуми, о, амин!..
Алашьцара алашараҿ мычра ауам,
Иаатит сҿаҧхьа ажәытә ҧшьаҭыҧ, Силоам!..
Избоит икахха, аҽыкәабарҭа, аӡҭачы,
Сшьара сықәлеит, сызлаз салҵит хәыҷ-хәыҷы!..
Иҳақәиҭу, уҧа ҟьала — иӡыз соуп,
Аҳаҧаҵа угәыбылрала са сыхьчоуп!
Уа уахь амҩа сықәын сгәыӷуа, угәра ганы,
Издыруан сышудукылоз, уразны.
Абар сҿаҧхьа, слашарбага Силоам,
Алашьцара иалсуа изыҳәа имариам!..
Абраҟакәын аџьашьахәқәа ахьыҿиоз:
Абракәын алашә ибла кахха иахьабоз —
Иҳақәиҭу абрахь имҩа ирхауан,
Ициз илашәра даиааиуан, ихәышәтәуан.
Уаҧсҵәык аӡала схы-сҿы сыблақәа сыӡәӡәеит,
Иара убраҟа алашьцара аҵыхәа ҧҵәеит:
Икеи-кеиуа, абар, сыблақәа аатит,
Абахә ҭаҧҟа, аӡышьҭра лашьца ихнакит!..
Силоамтәи аҽыкәабарҭа, аӡҭачы,
Иудызбалои заҟа гәаҳәа, заҟа мчы!..
Иҳақәиҭу сизааигәоутәит еиҳагьы,
Хашҭра уқәым, сымшқәа урылоуп есқьынгьы!
Урхылаҧшла сара сыблақәа уара,
Избалартә ари адунеи ааигәа-хара!..
***
Дыҧсит Лазар. Дамоуп адамра.
Иаҳәшьцәа аҿуп ес-шар агәырҩара.
Уажәшьҭа ҧшьымшуп, рашьахәаша дырбом,
Изықәшәаз арыцҳара рзыхгом.
Ирыдтәалоуп ауацәа, агәыцхәцәа,
Ргәы рыжьжьоит: «Инапы ҳануп Анцәа!..».
Ари атәы Иаса Қьырсагьы иаҳаит,
Лассы аиҳәшьцәа ахьеицынхоз ашҟа дааит.
Уаанӡагь ара акырынтә уи даахьан,
Рашьа Лазар игәыбылра, игәхьаа икхьан!..
Уи данырба — аиҳәшьцәа ргәы былӡеит,
Имцаха ирыцраст, игәырҩаӡеит.
Иара иакәзар — гәаныла дџьабаӡеит,
Илаӷырӡ аҭҭаҳәа икаҧсеит!
Лазар-хәаша иргылара иҭахуп,
Аха ицәеижь аимыттара иаҿуп…
Иргылахьоу, ирбзахьоу рацәоуп,
Аха ара игәы иҭеикыз хьанҭацәоуп:
Ԥшьымыш раҧхьа иржыз ауаҩҧсы,
Иузҭаҵоума ҩаҧхьа уи иҧсы?..

Дрыма ицоит еишьҭала идамрахьы,
Лазар дахьамоу аҳаҧахьы.
Аҽышәҭа ахаҳә ҩадхны иныҩналт,
Иааигәа-сигәа аиудеиаа ҩеикәагылт…
Иаб имч-илша даҳәауеит Иисус,
Ажәҩан ашҟоуп игәы-иҧсы ахьыҧшыз:
Игәы ҭыӷьӷьа Аб диҳәауан Аҧа…
«Угыл, Лазар!» — ибжьы иргет уи ус,
Иширго аиҧш алшара ду зауыз,
Игеит — иширго аиҧш амчра змоу,
Анцәа Иҩнра иеиуоу, Анцәа Иҧоу,
Дауҭраа рхылҵ ишиаҭәоу, ишихәҭоу!..
Лазар дгылт!.. Инижьит иҧскәырша,
Уаҩ илымшац илшеит Анцәахша!..
Ирбеит аргама уаҟа, лаҧшҿаҧшы,
Иисус имчра шыҟоу Анцәа иҿы!
— Уи Дынцәоуп! — иазыразхеит даргьы,
Мышқәак рнаҩсан иааиуан амшаҧгьы…
Иерусалим ахьеило ишаҟьо
Лазар иӡбахә рымоуп еимырҟьо,
Иаса Қьырса дҳаракуа еиҳа
Ихцәажәоит — ишихцәажәауа Аҧсҳа!

***
Ицеит ари ажәабжь хараны,
Ас зылшаз ибзырӡы ҳәаны!
Мшаҧуп лассы… Ихиоуп Иерусалим,
Ҽа ныҳәаки амшаҧи еиҧшым!..
Уахь амҩа дықәуп, ицуп иҵаҩцәа,
Апостолцәа дыргәылакуп Рынцәа!
Ус, абар, инхалеит Елеон,
Иерусалим уантә икаххаа иубон —
Игәы ҭнашьааит: иаҧеиҧшыз заа ибон,
(Уи харан… аргама агәра игон)
Илаӷырӡ иҿыҵкьаса ицон,
Ари ашьха инаҿаҩт иуаз,
Еиҭаҳәашьа амоу дызбылуаз?
Игәаҟажәа азкуп Иерусалим!..
— Иузыҧшу ублақәа ирыҟәгоуп,
Уи хымҧада иҟалаша акоуп,
Узықәшәахьоу раасҭа ихьанҭоуп:
Уҭӡы ӷәӷәақәа ҭаркуеит амацәаз,
Идәықәлоит зылшара уеиҳахаз,
Иужәлоит ушьажәцәа — уаӷацәа,
Уқәырҵоит, иумеигӡауа, уцҟьа —
Ухы, ухшара, ужәлар рыбӷа ҧҵәа,
Гәшаҭарада удац-уҧашә нырҵәа,
Игәыҭшьаагахоит реиуа, рлахьынҵа…
Иузымдырит Уеиқәырхаҩ иаара,
Уи дудумкылт, уацәҩашьеит иҿҳәара!..
Аҧааимбарцәа зыцҟьо, Иерусалим,
Скыдҵарҭа, сшьырҭа — Иерусалим! —

Длаӷырӡышон, Иҳақәиҭу дгәырҩон,
Иерусалим уаҵәтәи аҧеиҧш ибон…
Апостолцәа иуазатә раҳауеит,
Измааноу рзымдыруа еиҿаҧшуеит!..

***
Иисус дҽыжәуп, дақәтәоуп аҽада,
Аҽадҳәыс ҟаимаҭ! Иамамызт хәарҭа,
Икәаруа инеиуеит, иуҳәозар аҧсаҭа!..
(Ауаҩытәыҩса изыразу ари аҧстәы,
Аҧстәы маншәала, ихазҵауа уҳәатәы,
Ҳаҭыр ақәуп — идыруп уи атәы!).
Дызну амҩа — уааҧсырала иҭәуп,
Апальма махәқәа, абӷьы иаҵәа иртәуп,
Иршәу кадыршәуеит — имҩақәа аартуп!..
Ас изҧылоз атәыла Аҧсҳа иоуп,
Гәырӷьароуп — мҵәыжәҩада ҧырроуп,
Ари ахҭыс ныҳәартәит жәлара:
«Иззымдыруа еилышәкаа, ишәаҳа,
Иерусалим даҭаауеит, Аҧсҳа!
Лазар дзыргылаз, деиқәзырхаз,
Аиудеиаа рыҧсҳара иаҧсахаз!..».
Баша хҭысым, уазыҧшы ашана:
Еицҿакны еицырҳәауеит: осанна!
«Дыҧшьоуп Иҳақәиҭу — осанна!»
Еиҭах, еиҭах — нҵәара зқәым осанна! —
Ргәаҳәарақәа рыҧхьауан хара
«Иаҧызааит Дауҭ-иҧа Иҧсҳара!..».
Иҳақәиҭу игәхьааз даҽакуп,
Аҧсреи агәнаҳаи риааира игәҭакуп,
Ажәҩан аҧыжәара аргатәуп,
Адгьыл уи ахьӡалоуп дзаҭоу,
Изылихит ари аҧеиҧш Дызҧоу!
Далалеит иҧшьоу Иерусалим,
Амшаҧ иазыҧшу Иерусалим!..
Ус, абар, днадгылеит абааш,
Ҩаҧхьа ара игәы-иҧсы еилахәашт;
Хышықәса раҧхьа иахыз ҩаҧхьа иахыуп,
Зегь шыҟац иҟоуп, ахәаахәҭра иаҿуп!..
Иҵихит ҩаҧхьа иҟамчҧҵаҵа —
Абааш иаҧырца, ирырҳа, иҧхаҵа!..
Изыразым цәажәауеит анс-арс…
Абааш ҧшьаҩцәа акыр рџьыба иаст! —
Урҭ зегь акала еимадоуп,
Ргәаҳәарақәа, рымаӡақәа еилдоуп!..
«Иҟазҵада?» — «Лазар деиқәзырхаз!»,
«Изырбыжкуада?» — «Лазар деиқәзырхаз!».
Абри акәын араҟа иуаҳауаз.
Хәылҧазынӡа ара ауаа ихәышәтәуан,
Зыбла иамбоз рыбла иабауан,
Ицыркьуаз — рныҟәашәа хиауан,
Идагәаз — ҷыт раҩымшәо ицауан!..
Ирылаӡозма арҭқәа иаӷацәа!
Иқәырҭәон еиҳа-еиҳа аҳәынҵәа.
Иашьҭан ианыхра, иҭархара,
Ишәон ирыдымгылар ҳәа жәлара…
Ирылшозар — даргь аџьшьахәқәа рымуаз,
Ажәларгьы рганахь идмырҧшуаз!
Аха иааг!.. Рус еиҳа имариоуп:
Измаҭәоу агәаӷи ашьыцреи роуп!
Афарисеи — афарисеи диҧоуп,
Асаддуккеи — асаддукеи диҧоуп,
Рыҧсҭазаара гәнаҳарала иҭәуп —
Ауаҩытәыҩса иҧсыҽрақәа иртәуп.
Иҿыхтәуп урҭгьы — уаауп, еиқәырхатәуп,
Аха макьана алашьцара иатәуп…
Иаса Қьыса иакәзар — Иаб Дынцәоуп,
Гәнаҳа даҵам, игәы-иҧсы лашоуп.
Ҳҿыхра дашьҭоуп — ҧсаҭатәны даҧуп,
Сысымҟаас адгьыл ахь даашьҭуп!..
Ас ҟалеит адунеиаҿ — знык,
Уи аахыс дамбац ус уаҩҧсык —
Далан Мариа ллахьынҵа,
Аха адунеи дазымдырит зынӡа!..
Нас абла хтит… Ихтымашь иккаӡа?..
Иҳақәиҭу, улаҧш хаа ҳхьыгӡа!
Хәлаанӡа Иисус абааш дахын,
Нас иҽирӡит! Ус аиҧш аҭахын!..
***
Абар, сыҩноуп «Уаххьа маӡа»30 ахыбра,
Инаскьоуп, ихароуп уи ақәра…
Араҟа Иуда Аҧсҿыхҩы диҭиит,
Ичарҳәаратә ҟьаҟьаӡа иааҧшит:
Аҩысҭаа диҵалеит, диӷралт,
Иҳақәиҭу диҧсахит, диӷрагылт!..
Инаур ҩнагьыжьуеит абра:
Ачарҳәара — аҧсахра, аҽшьра!..
Абраҟакәын: Аҧсҿыхҩи иҵаҩцәеи
Руаххьа маӡа ахьеиҿкааз — имазеи!
Амшаҧ сысгьы ахьықәыз ихианы.
Хәаша ухан. Уаҵә иаашар мшаҧны.
Ача амаҧиҽит: «Ари — сцәеижь ауп»!
Аҿа ааникылт: «Ари ишәызкасҭәо сшьоуп!
Аҿатә Уасиаҭ аамҭа иатәуп.
Шәеиқәырхара иазкуп ари ача,
Убас аҿа ианҭәало аҩы — са сшьа!..
Аҩи ачеи шәныҳәа иазшәырхиала,
Иеиқәырчача ргьама ҧшьа жәбала,
Сгәалашәара иазкуп ҳәа ишәшьала! —
Идыруан, иныруан изыҧшыз,
Инаӡон иҧеиҧшыз, иразҟыз!..
«Сызҭиуа акырҳацифоит абра…».
Уи Иуда иакәын. Иаҧсазу иҿаҧшра?..
Иирдырит… Иуда деилашәеит,
Иаса Қьырса иӡбра даҿашәеит!
Иеиҳәеит: «Узыҧшузеи? Уццакы!..».
Иҟалаша ннакылауам акы…
Ԥсаҭатәыс ихы ҟаиҵон иара,
Уинахыс ҽа ҧсаҭатәык ашьра
Уаҳа рҽазырымкуа жәлара.
Ишьала урҭ зегь ҿихыр иҭахуп,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Ашаеҵәа - 05
  • Büleklär
  • Ашаеҵәа - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3239
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2347
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2339
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3286
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2256
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3281
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2254
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3234
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2277
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3209
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3249
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2287
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3194
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2315
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3395
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2233
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3390
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2144
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ашаеҵәа - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 462
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 399
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.