LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 10
Süzlärneñ gomumi sanı 3599
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2319
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
иԥсит. Мамсыр акамбашь ацеи агәаҵәеи ааҭыган, иҩыза
Ҭахәыц дашьҭихны агаҿа арахә рдахәҭар иҿы ицеит.
27. Аҭаҭын маӷазаҿы еснагь еиԥш адруҳәа еилан. Шьо
укы рыԥхуан, даҽа шьоукы ашашәақәа шьҭырхуан. Быгә
Алиас шьыбжьон ажәабжьқәакгьы саҳап, сыԥсгьы нас
шьап ҳәа амаӷазаҿы дааит. Аԥсшәа аҳәахагьы дахьымӡо,
– шәанаџьалбеит, ассир збеит, – иҳәеит амаӷаза дшааҵа
шылаз еиԥшҵәҟа. – Абна анышәынҭрақәа рҿы жьа дук
алақәа иркызшәа, адәы агәҭа игыланы аҿыжра иаҿын.
Қәтырхьшьыкгьы ажьа иамариашаны иахагежьуан. Ақә
тырхшь анырҳәа илышьҭасын, ажьа аашьҭкәыцәаа иама
ны ицеит…
– Саргьы абна абаҳчаҿы, жьык сфап ҳәа сахьынҭалаз
жьа дук аҵла илалбааԥан абна инылабга ицеит – иҳәеит
Мамсыр. Уамашәа ибаны аҵла сҩыхәназар, ажьа аҭра
ҟанаҵан, ажьаԥшқақәа рааӡара иаҿуп, – иҳәеит Мамсыр.
– Ҟалашьа амоума, ажьа аҵлаҿы ахәнаны аҭра ҟана
ҵуа аӡәы иаҳахьоума?! – иҳәеит злымҳақәа кыдҵаны
игылаз Алиас.
– Ажьа аҵла изымхәынуазар ахьшьгьы ажьа азкуам –
иҳәеит Мамсыргьы.
28. Маҷыҷ-иԥа Шәлиман ихаан хракы даҿаланы дшәа
рыцуа уаҩы имбаӡацызт, имаҳаӡацызт. Аха дахьырзым
дыруа џьара дцәажәуаны уизыӡырҩыр, Хмыҷ шәарацаҩ
уҳәап.
– Акыцхы, наҟ Мачанаҟа сҭаԥшуа, саҿаланы снеиуеит.
Ус аӡс ацны џьмаки сареи ҳааиҿаҳеит. Ашәақь аагәыдҵан
рыҩбагьы сшьит. Санынахагыла, аџьма ачьргә еимгәа
шны ахш алыжжа иҟан. Аҟыԥ ҳәа дырӡ бӷьык ааԥҟаны
(Акыцкы ахраҿы адырӡы абаҟоу!) ахш аанысхьалан, ахш
амра ныцәсыргылан, сыџьма ацәа ахьынӡахысхуаз сыхш
ааҵәын, убас агьама аманы изжәит, ижәпаҳаҳараӡа, кам
башь хырҵәымзар, иуздыруам.
– Умц маҷӡак иурбаӷьацәеит, – иҳәеит Мамсыр дахь
гылаз, ухш ҵәырнымҵаӡакәа иужәыр, умц иаҳа аиаша
иазааигәахон.
29. Ачарақәа рҿы ажәытәан амаца иасӡомызт ҳабацәа.
Ҳаиҳа алаф зҳәауада, ажәа зҳәауада, еиӷьны аԥсуаҵас
икәашуада ҳәа еицлабуан.
– Сара сабду амшын агәҭанынтә аҵа инапы лагӡаны
аԥслымӡ ҭигауан – иҳәеит Цыгә Лаз.
– Уи закәыхи, сара сабду адгьыл дшықәгылоу ажәҩан
аҿы инапы нагӡаны аиаҵәақәа икуан – иҳәеит Баӷ Азиз.
– Уара, убарҭ уабду ажәҩан аҿы инапы ҩагӡаны аиа
ҵәақәа рауак ԥханы аруак хьшәашәаны иҟаӡамзи? – ҳәа
дҵааит Махаз дахьтәаз.
– Ус акәҵәҟьан – иҳәеит Азиз ихы –иҿгьы ачча аақәххны.
– Нас даҽазны абри алаф ануҳәуа иудыруаз, уабду ии
куаз сара сабду икәтаӷьқәа ракәын – иҳәеит Махаз.
царгьы дыргоит. Раԥхьа ашәарацаҩцәа рымҩаныфа да
ҵоуп, нас абџьар идыркуеит. Ус Махаз ашәарацаҩцәа
рымҩаныфа даҵарҵан, ахра цәгьақәа дырҿамгалакәа,
шьыбжьон иахьеиқәшәашаз еибырҳәан еицрыҵит. Ма
хаз амла дакызар акәхап, иҩызцәа рымҩаныфа маҷ –маҷ
дшынацҳауаз имбаӡакәа иамхафеит. Еибырҳәаз адгьыл
аҿы ианааиқәшәа, ашәарацаҩцәа реиҳабы Мамсыр ус
иҳәеит:
– Агәаҷ, ани ушәыра аахуртыр, иҭоу ааҭугар, акы
ҳнацҳарын.
– Мамсыр ухацкы, уи сара снацҳахьеит – иҳәеит Махаз.
31. Қан Саҭ анцәа данишуаз ауаҩы наӡа иоура иимҭеит
акәымзар, егьырахь ала узлаиеиламҳауа акы игмызт.
Нагәҭа лыхьӡны еҳәшьак диман, уигьы иара диаҟаран. Саҭ
дыҩнраӡамызт, иԥҳәысаагара ахыԥаны иҟан. Уахык иуа,
иҭынха зегьы ааисны дыркит, уара мышрақә иақәшәаша,
уҵәҩан шьапы ыҵухома, ԥҳәыс дааугароуп ҳәа.
– Анцәа шәишазар, шәысҟәаҵ. Ныгәҭеи сареи аҟәара
сақәа реиԥш ҳазхара ҳзеибамбо ҳаб иргылаз аҩны ҳаҩ
ноуп, ҳаџьал ааиаанӡа амла ҳарганы ҳзышәшьуеи – иҳәеит.
– Иауеи уара, ани иааугуа шәара шәҭакны шәхәы лфуа
ма, амла шәазыкуози? – ҳәа аӷыу ааихыргеит.
– Абри, Аԥсны дуӡӡа ладеи ҩадеи зегьы сырхысит. Нагә
ҭеи сареи шәагаала иҳаҟароу аӡәы дсымбеит. Зоурала ауу
аӡәы даазгап. Зны дааҳазгәааны ҳхәы ҳаракны џьара ин
хылшьыр, ҳшаҵаԥшуа, амла ҳаганы ҳаԥсуеит – иҳәеит Саҭ.
30. Ашьха аҭыԥ аҿы еилҟьоу «агәаҷ» ҳәа иарҳәоит,
уи иуалу аиҳабацәа рымаҵ ауроуп. Дымцацзар, шәара
32. Амшын азааигәара дгьыл ԥшӡакра аҿы дынхон Саҭ.
Зны-зынлагьы амшын дҭалалуан. Ҽнак, амшын ӡы илырс
ны иҩныҟа данаауаз ԥҳәыс еимаак амацара иманы дааит.
– Уара, ари иаҳзаауга закәызи? – ҳәа игәыла Махаз
диазҵааит.
– Ԥҳәыс дааугароуп ҳәа аԥскы сшәымки. Аҽеингала
ра саҿуп. Уажәшьҭа исыгыу ԥҳәыски еимааки роуп –
иҳәеит Саҭ.
33. Маҷк иахыԥазаргьы Саҭ ԥҳәыс дааигеит. Деиҳамкәа
уеиҵымкәа Нагәҭеи иареи драҟараны. Ԥырсындықынтә
Анашаа рҭыԥҳак дааигеит. Аԥсуаҵас иақәнагоуп аныр
гәыхәоз иабхәараа амаҳә иԥхьеит. Ԥырсындықаа уажә
ирбама, инеиҵыхны ачара руот. Аԥшәмацәа ҵәыцак
ааныркылацԥхьаӡа раҳәшьа, Саҭ иԥшәма, Гәында ԥшӡа
лакәзар имоу рацәоуп, лырҽхәара иаҿуп. Ҵәыцак ҳазкы
ҳамаҳә ухацкы! – рҳәан, Саҭгьы дҩагылеит.
– Уара, абри шәаҳәшьа, шәасны лырҽхәара шәаҿуп.
Сара дсымхны аҽаӡәы дишәҭарацы дшәырҽхәоу, мамзар
аиаша шәҳәауоу – иҳәеит.
– Абри, уаха иуаҳҳәа, аныҳәаҿақәа ирылаҵаны иуаҳҳәо
акы мцык рымам – рҳәеит.
– Ус акәзар, ишәҳәуа зегьы иашазар, абри илеиӷьу аӡәы
Ԥырсындықаа дшәылымиааит! – иҳәеит Саҭ.
34. Баҭыр-иԥа Дадын ԥшьшьапык зҵоу ибаны дзав
сомызт. Уи иахырҟьаны адәы данықәыз аиҵкьыс абахҭа
данҭакыз еиҳан. Зны абахҭа данҭыҵ имҩатәны Аҳәабора
иуацәақәак рҿы иԥхьара иманы днеит. Цас иауазшәа, ари
ауха аԥшәма иџьмақәа акы ашьапы ԥҵәан, ирымшьыр
амуит. Акрыфаразы аишәа ианылахатәа, аԥшәмаԥҳәыс
акәац жәны алҩаҵә ахызза илыманы дааҩнашылт. Дадын
ари даараӡа ихы ианшьаланы аԥсшәа ахиҳәааит. Дадын
иаԥсшәаҳәара ироуӡеит ииҳәуа неиҭаҳәуа. Ари аџьма ахы
аҵыхәа цқьа издыруоз Ҭамагә хәаҷы, Дадын ҵыхәаԥҵәара
змамыз иаԥсшәаҳәара игәы ԥнаҵәазар акәхап:
– Уара, уи уара узы иаҳшьы џьушьо, ашьапы ԥҵәан, уи
азы иаҳшьит иҳәеит.
35. Алоу иԥҳа Хьыкәа ҳәа Аҟәантә иаауаз ԥҳәызбак аус
луан ҳасабеилыргаҩыс Ԥырсындық ақыҭа аколнхараҿы.
Убри Хьыкәа убас илыгын, лцәеи лыбаҩи еикәыршаны,
лаҳәак иафаша акәац лықәымызт. Аҟәаҟа дцауазаргьы,
уантә даауазаргьы алыцәҳара еиԥш арԥар еицрыԥсса
илыцын. Ишааиуаз Хьыкәа дырҳәеит, дыргоит ҳәа анха
цәа иаарылаҩҩит.
Ҽнак зны аколнхара ахантәаҩы Махаз Хьыкәа ихы
налықәикын: – Бара Хьыкәа, абас избыгузи, быҩны бҭак
ны акрырфоума? – ҳәа длазҵааит.
– Махаз Алхас-иԥа, уажәы хаҵа сцоит, нас сшыҟалуа
убалап.
– Ее, Хьыкәа ббаашәит, амқьаҳ қьаад ибыцнамҵозар, ани
хаҵа изызцуа уажәгьы ибыгым ҳәа ауп издыруа – иҳәеит.
– Убыз ҭакны ихырҵәааит, аӡәы акы иумырҳан –
лҳәеит Хьыкәа.
36. Мамсыри Шабаҭи еишьцәан. Ачашәара бзиа ир
буан. Мамсыр уаҳа назҭахым ахьшь иман, Шабаҭ чаха
ла дачашәуан. Абаажә ахәаҿы ичашәуа ишнеиуаз, ача
анҩыҵԥраа, Мамсыр ихьшь мазеины икын, ача инашьҭеи
ҵеит, ажәҩақәа ааиҵнахуан еиԥш, Шабаҭ ичаха аҿынаир
хеит. Ачаха шнеиуаз иара азы идәықәиҵазшәа, ахьшь
илақәшәан, иеиманы илкаҳаит. Мамсыр дыҩны днеизар,
ихьшь аҿы раҳаны, ажәҩақәа хышьшьы аԥсра иаҿуп.
– Шабаҭ! – аҳәеит Мамсыр, – иахьатәи ала удырҩатә
еиӷьхааит! Ицаз ачагьы, учаха иахыз сыхьшьгьы иҟәаҟәаса
уԥсы иасҭааит, шьҭа уаала аҩныҟа.
Шабаҭгьы ицәымӷахеит, аха иҟалашаз ҟалахьан.
37. Лагә Лагә-иԥа ҽы маӡарахк анимырххуаз ыҟаӡа
мызт. Акы иҭиуан, акы ааихәуан, ҽакы агәылара ақыҭан
иӷьычны, даҽа қыҭак аҿы иганы иҭиуан. Зны Рашаҩа
ҽык арха ишықәыз ибан, уи акәхеит, иӡаны иааигеит.
Алаша ззыумҳәара иҟоузи, Ашәуа ҽы кәаша алымҳақәа
кьацә кьацәӡа, аҵыхәа еилачы саара ишьҭасуо. Лагә
ари аҽы уамак идимырхалеит. Уахыла мацара ибыжь
ганы Қәабчара иганы, аҭиразы икылигеит. Аахәаҩцәеи
абжьахәҳаҳәҭцәеи ахә шеимаркуаз, даҽа шьоукы лыб
жьалан аҽы рӡеит. Лагә иҟаиҵагәышьоз, дмеида гәидаха
аҩныҟа дхынҳәит. Лагә илага-ҩагақәа здыруаз Махаз
диазҵааит, уҽы шбауҭии? – ҳәа.
– Рацәак сзаҭнымхит, ишаасхәаз еиԥш исҭиит – иҳәеит
Лагә.
38. Махаз лабала схы дасит ҳәа Ҭасқала аусҳәарҭаҿы
ашшыԥхьыӡ ҩны иқәиҵеит. Махаз аусҳәарҭахь иԥхьеит,
иҿахәы иҿырхарацы аусеилыргаҩ диазҵааит.
– Ҭасқала ихы кақәчаа иҟоуп, уи излеиҳәо ала лабала
ихы иасыз уара Махаз оуп. Абри иахыуҳәаауази?
– Аусеилыргаҩ ухацкы! Ҭасқала ҳәа изҿу арыжәтә ибо
наҵы ишьапы дзықәгылаӡом, уахгьы ҽынгьы дашьуп.
Сзысуа ахы ихагылазар иҭаацәа дырԥҟазма, шәзызҵааша
урҭ роуп – иҳәеит Махаз.
39. Аарҩара рынхамҩа абылуа ианалага, есышықәса
ишыҟарҵац еиԥш Мшәаа рқыҭа ацуныҳәа ҟарҵарц рыӡ
беит. Ахацәа акәаци арыжәтәи рхы иадырҵеит: аилаџь,
ачашә, ахаатә аҳәса адгылеит. Ирҭахыз зегьы рыдыргале
ит, еиқәдыршәеит. Акәац аҿы ианааи, еизыргаз рԥарақәа
рзымхеит.
– Уара уи хьаас иҟашәымҵан, Аӡыгьежьаа рырахә зе
гьы ҳабнақәа ирылоуп, ҟатак аарылхы иаҳшьыр, иабаажә
га ҳәа аӡәы дҳазҵаар ҳәа шәшәоу, – иҳәеит акәац здыз
Дамеи.
Ацуныҳәа Мшәаа рҳаблаҿы убас иԥшӡаны еиҿкааны
имҩаԥыргеит, иашацәҟьаны жәлар рныҳәак акәзар иамоу
рацәан.
Адырҩаҽны амш леихашьшьын ақәа ауеит инамц
хәынгьы. Аха Мшәаа рҳабла ацәыгәбаргьы камшәеит, ақәа
ахауыз Аӡыгьежь рҿоуп.
– Уара, ҳара Мшәы иҳаблаа иҳаҵалази?! Анцәагьы ҳаи
цәыӷахуа ҳалагеит. Ҳара ацуныҳәа ҟаҳҵоит. Аӡыгьежьа
ақәа рзаируоит, – еилалеит Мшәы иҳаблаа.
– Мамоу, дад, анцәа ҳаицәымӷамхаӡеит. Амала анцәа
длашәу џьышәмшьан. Ани зыцә шьны зкәац шәфоз Аӡы
гьежь инхуагьы иара итәқәа роуп, шәара шәеиҳа ишуаа
разу шәирдырит ауп, ақәнамга ҟауҵар, ақәнамга уақәи
ршәоит – иҳәеит Мамсыр.
40. Анкьаӡа зны, изларҳәуа ала усҟан асдугьы аму
ӡацт, Ешыраа Мула Осман ҳәа хәаџьак дрыман. Аргама
ирызҳәомызт, аха Мула Осман иԥсы кәабашьа ргәаԥ
хомызт, арахь ида хәаџьа дрымаӡамызт. Зны абри иана
лацәажәуоз, – сара акы сыӡбоит – иҳәеит Мамсыр. – Кара
Мураҭ ҳиҳәап, дыԥсызшәа дыгҿаҳҵап, нас Мула Осман
аԥсыкәабаразы дыҩнаҳҵап, Мураҭгьы дцәыҵаԥшны
дшикәабуа ибалап – иҳәеит. Ишырҳәоз егьыҟарҵеит. Му
ла Осман ҟәрышьқәакгьы сырҳап ҳәа ижакьа далаччуа
уахь дныҩналеит. Абжьааԥны еиԥш акәымкәа Мула Ос
ман «аԥсы» икәабара акыр дадхалацәеит.
– Уара амцхә уидхалацәеит, иҟалази? – ҳәа ианиазҵаа,
– Мачк иԥсы ҭан, ихәлымшәа ԥысымҵәакәа икәабара
иамуит –иҳәеит амула Осман.
Аҩӡба Владимир
25.02.1994 ш.
2014 ш.
Ҭырқәтәылатәи ачеркезцәа
(аԥсуаа, адыга, аубых)
рхы иадырхәуа ажәаԥҟақәа
Ауаҩра уламзар агаӡа ԥшра акымзарак уанаҳәаӡом. (адыга)
Ҳажәҩахыр еибаҳҭар ҳамч ӷәӷәахоит. (адыга)
Аӡы уицырыргьы, игәы иҭоу узеилкааӡом. (адыга)
Аҵара сасуп ахшыҩ аԥшәымоуп. (аԥсуа)
Агәыӷра ҳабацәа иаҳзынрыжьыз ҭынхоуп (малуп). (адыга)
Иузамыркыша ашә ааумыртын. (даӷьысҭан)
Еидгылоу аԥсаса – ашьаса ақәыџьма иацәшәаӡом. (аԥсуа)
Асас дымшуп. (аԥсуа)
Ацара ужәыр уҭахызар, амҳаҵәгьы уԥшаауеит. (адыга)
Аԥсуа иԥсырҭа иламыс ауп. (аԥсуа)
Аҿы иҭҟьаз ажәа, ашәақь иҭҟьаз ахы иаҩызоуп. (аԥсуа)
Бла хаала асас иԥылара, ацә изушьыр аҵкьыс еиӷьуп.
Сасра уцар уҭахызар, усас ишиқәнагоу дудкыла.
Аԥҳәыс дахьыҟоу аҳәа иахаӡом. (адыга)
Зызхара ыфаны иҟоу изы ацхагьы ашоуп. (ачечен)
Аӡыхь ахьыҵҵыц иҵҵоит. (аԥсуа)
Агәы ажәӡом. (адыга)
Агәыӷра амамкәа аҽы амҩа иқәлаӡом.
Абыз иаҳәуа агәы иҭоу ауп. (адыга)
Аус злоу аҳамҭа акәӡам, уи иацу ахаара ауп. (адыга)
Ачеиџьыка хаа аԥсгьы даргылоит. (ауаԥс)
Изаҳар зҭахым иаҳаӡом. (адыга)
Агәарԥ аҟны пату уқәзымҵаз аԥшәма, сасра иҩны умне
ин. (адыга)
Дышшәыргәындоу ззымдыруа ауаҩы фырхаҵас ихы
иԥхьаӡоит.
Асы шкәакәоуп, аха уабылуеит. (аԥсуа)
Агәыбылра аиҳагьы аҳаҭыр, апату. (адыга)
Азаҵәра разҟыдароуп. (аԥсуа)
Уаӷа датәоумбан, уанымгәыӷуа уҭаирхоит (уақәымгәы
ӷуа уҭаирхоит). (аԥсуа)
Ажәытә мҩеи ажәытә ууацәеи ухаумыршҭын. (адыга)
Арыцҳара иақәшәаз уаӷа иакәзаргьы уицхраа. (адыга)
Мышк ииуа мышкы дыԥсуеит. (аԥсуа)
Абырг дызмам аҿагьы диоуӡом. (адыга)
Ауаҩы дзырԥшӡо иҟазшьоуп, иуаҩроуп. (адыга)
Иацтәи амш ҳаҳәауа анцәа ҳҟаумҵан. (аԥсуа)
Асас инасыԥ ицуп. (аԥсуа)
Агәы мҵәыуозар аблақәа ҵәыуаӡом. (адыга)
Иумам уцәыӡӡом. (адыга)
Мҵәахы ԥшаа. (аԥсуа)
Ажәлар ирылоу рылҵшьагьы идыруеит. (адыга)
Аԥрынџь иалаԥсоу ахаҳә еиқәаҵәақәа урцәымшәан ашхә
ақәа урыцәшәа.
Ақьафын зтәу аԥсы иоуп.
Арыцҳа ирахәыц абеиа ирххауеит. (адыга)
Амашәыр аҳампал иалоуп. (аԥсуа)
Зыхшыҩ иагым – зегьы имоуп. (адыга)
Акәты иалшо (иамчу) – акәтаӷь. (аԥсуа)
Ухәыцны уцәажәа, уахьтәоу уахәаԥш, ушьапы ахьургы
луа гәаҭа.
Аҭаацәара насыԥуп. (адыга)
Аблеи аблеи еицәыԥхашьоит. (аԥсуа)
Аԥа думазар, аҭацагьы думоуп. (адыга)
Абла амгәа еиҵкьыс еиҳауп.
Аӷарреи ашәаргәындареи аӡәгьы деиқәыдмырхаӡеит.
Аҭаца маҭәеи акәыпа маҭәеи зӡахуа гәырк ауп. (авар)
Ахшыҩ змам дрыцҳауп. (адыга)
Аԥсуа жәы заҵәык ада имамзаргьы, иара ахаз ижәуеит,
асас ахш ииржәуеит. (аԥсуа)
Даҽа шьоукы иранажь, аха ухы ианоумыжьын. (адыга)
Ҳаӷәӷәоуп ҳанеидгылоу, ҳанаӡәыку
Ашә ԥумҽын, ацаԥха аҷараҳәа иаанартуеит.
Зыуаажәлар бзиа изымбуа, ауааԥсыра дрылаԥхьаӡатәым.
Адаӷь иара зҭоу аӡмах зегьы иреиҳазар аҭахуп. (аԥсуа)
Аӡы иаанагаз, аԥша иагоит. (аԥсуа)
Аԥҳәызба бзиа дубазар, уи лзы амцагьы уалалоит. (адыга)
Арыцҳа иԥсҭазаара еснагь ааԥынроуп. (адыга)
Ҿык иҭыҵуа шә –ҿык ирҭалуеит. (аԥсуа)
Аҵас ззымдыруа дыбзамыҟәуп. (адыга)
Зны сара исҳәуа уазыӡырҩы, нас уҭахызаргьы сшьы.
Агара игарарҵуа, аха знышәынҭра рымжуа уаҩ дыҟаӡам.
(адыга)
Ауаҩы дузымдыруазар, дагьумырҽхәан, дагьумырџьан.
(аԥсуа)
Уҷкәын уара ишуҭаху, уԥҳа лара ишылҭаху аҭаацәара иал
аҵа.
Ацәгьа зымбац абзиа издырӡом. (аԥсуа)
Алагарҭа змам алгарҭагьы амам. (адыга)
Акры зычҳаз акры ибеит. (аԥсуа)
Уразҟы аԥеиԥш амазар, шашәа баклагьы иузааргоит, иа
мамзар азынџьыргьы ахәаӡом. (адыга)
Ашәҟәы адырра иацыԥхоуп. (адыга)
Зыҷкәын дымԥсыц, уҷкәын диумырҵәыуан. (аԥсуа)
Уԥҳа уара дшыуааӡауа, уҭаца – дшырааӡауа. (адыга)
Зыцәгьа уҳәауа ушә дыхгылоуп. (аԥсуа)
Ажәытә ууа ила иҟауҵаз аус,
ууа ҿыц уиқәгәыӷны иаумҳәан. (адыга)
Напы еилаԥса уаҩы дааӡауеит, алаба еилаԥса – дашь
уеит. (аԥсуа)
Аԥшӡа дузымдыруазар, акыр иаԥсоу далх. (адыга)
Аҿа иԥеиԥш дшақәгәыӷуа дажәуеит, абырг ихыига
хьоу дшаигәырӷьауа дыԥсуеит. (адыга)
Аӡлагара ҵаҟатәи алугьы ашшуан, алыхәҭа аҵагьы. (аԥсуа)
Ажәа – бџьаруп. (адыга)
Уара иушьуа анцәа дишьуам. (аԥсуа)
Аишәа иқәу ачеиџьыка зырџьауа ичеиџьыка уахамтәан.
(адыга)
Амца ахьеиқәыз ахәшҭаараҿы амца ԥсыргьы
аԥхарра нхоит. (аԥсуа)
Анышәынҭра ыӡыр ауеит, ажәа ахаан иӡӡом. (адыга)
Аиҳабы дзыԥсо анудыруа, даныҟам ауп. (аԥсуа)
Уҿаԥхьа ауаҩы уирҽхәозар,
уанимбуа уирџьа иаҩызоуп. (адыга)
Аҵла дацла игылоуп, ауаҩ ҭынхала. (аԥсуа)
Ԥсҭазаарас иҟоу гәыӷроуп. (аԥсуа)
Абыз бааӡоуп, иаурҳәалак аҳәоит. (аԥсуа)
Ауа бзиа данудыруа ацәгьара уанақәшәалак ауп. (аԥсуа)
Ацха зыԥшуа (зҭиуа) инацәа аалишьуеит. (аԥсуа)
Аҭаҳмадара пату ақәзымҵо иара ихгьы пату изақәӡам.
(адыга)
Аешьа бааԥсы иаҵкыс аҩыза бзиа. (аԥсуа)
Еиқәымшәо ԥшь-цәык раасҭа, еиқәшәо ҩ-цәык. (адыга)
Абырг дызмоу аҵасгьы имоуп. (адыга)
Уус злам убз алаумҵан. (аԥсуа)
Ҽнак ала зны аб иҟазшьа аԥа иааирԥшуеит. (адыга)
Акаамеҭ ҟалоит анырҳәа ауаҩы ихахәы ила ҭнахит. (аԥсуа)
Иузҭаз иҭа, иусыз уис. (адыга)
Агәи агәи еибадыруеит. (аԥсуа)
Агәыла пату иқәзымҵо ихаҭа патуда даанхоит. (адыга)
Ҵәак шә –ҵәак арбаауеит. (аԥсуа)
Раԥхьа умқшан, аха иусызгьы ианаумыжьын. (адыга)
Аҩны уҽазыҟаҵа, ажәлар рҿы иҵаны унеи. (адыга)
Иуадаҩу амал арҳара акәӡам, ахьчара ауп. (адыга)
Аира зшаз аԥсрагьы ишеит. (аԥсуа)
Угәыла бзиа хара иҟоу ууацәа раԥхьа дгылоуп (адыга)
Агәыла бзиа уҭаацәа дреиуашәа дыҟоуп.
Ажәлар рус дара еилдыргароуп. (аԥсуа)
Ацгәы шыхәмаруаз аҳәынаԥ ԥсит. (аԥсуа)
Аҽы бзиа аҩыза бзиа иеиԥшуп. (адыга)
Аԥсы имыхәо абза ихырҵәага. (аԥсуа)
Аду иӷьыч, ахәыҷы иӷьыч – аӷьыч дӷьычуп. (аԥсуа)
Аҽы ԥсыр акәадыр нхоит, ауаҩы дыԥсыр – иажәа. (аԥсуа)
Ишыҟаҵатәу адырра, аҟаҵара аҵкыс ицәгьоуп.
Абзиабара мчыла иауӡом. (адыга)
Ала шуеит, аҽы ҳәуеит. (аԥсуа)
Аты алақәа анаиу аџьымшь иашьҭалеит. (аԥсуа)
Аԥҳәыс ала бзиа леишуам. (аԥсуа)
Зҽы ыӡыз илымҳа иҽышьҭыбжь ҭыҵуам. (адыга)
Ауаҩ бзиа дагьууанда дагьуаӷанда. (аԥсуа)
Ауаҩы ишәу ала иԥылауеит, ихшыҩ ала днаскьаргоит.
(адыга)
Аӡәымзар аӡәы адунеи игәы ақәԥҵәаны даныҵӡом. (адыга)
Џьанаҭ ацара зегьы ирҭахуп, аха аԥсра аӡәгьы иҭахӡам.
(аԥсуа)
Ухылԥа ыршәны ирылауҵар зегьы шьаԥԥықәла иасуеит.
(аԥсуа)
Блак иамбо блакы иабоит. (аԥсуа)
Аҵәыуашьа ззымдыруаз ихы ԥиҽит. (аԥсуа)
Досу ихарԥ ицәа иақәнагоуп. (аԥсуа)
Аҽы ахы анарха (ианкылнага), аҵыхәа ала иныскы
лоит ҳәа уаламган. (адыга)Аџьма имԥсыша амаҵә
азылаҟәуеит. (аԥсуа)
Ҟәыӷарала иумоу адырра ешьак иҩызоуп.
Ацха хаауп, аха зегьы ирфаӡом.
Уахьырзымдыруа умаҭәа пату ақәуп, уахьырдыруа ух
шыҩ. (адыга)
Ууа изыҟаумҵуо абзиа уара иузыфеидахаӡом. (аԥсуа)
Аԥсаатә ҳаразкуа амҵәыжәҩа ауп, ауаҩы – ихшыҩ. (адыга)
Иҟәышу ауаҩы узқәа дкыдуҵаргьы дхьанҭахаӡом. (адыга)
Аус – ацәажәара акәӡам, узлацәажәауа адырра ауп. (адыга)
Бзиа иубо аныҟам агәырӷьара зыҟалаӡом. (адыга)
Аԥсра уашьҭамлан, уи иара уаԥшаауеит. (адыга)
Аҽы ауаҩы ишьа алоуп. (аԥсуа)
Амаҷ арацәа аазгауа ауп (иадыргоуп). (адыга)
Аџьал иагьыццакуам иагьагхауам. (адыга)
Уаҵәтәи акәты аҵкыс иахьатәи – акәтаӷь. (аԥсуа)
Аԥсыӡ усҭалар аҵкыс акышьа усырҵар еиӷьуп. (аԥсуа)
Уззымиааиуа инапы уагәӡы. (аԥсуа)
Знапы узмыркуаз инапы уагәӡы. (аԥсуа)
Иуҵашьыцуа маӡала дуаӷоуп. (адыга)
Аԥсра уаҩы ишьапы иаҵоуп.
Абзиабара еиҳау мал ыҟаӡам. (аԥсуа)
Атәымџьара уанҽыжәҵ ҭынхаҵас уныҟәа. (адыга)
Абџьар бааԥсы аҩыза бааԥсы иеиԥшуп. (адыга)
Аҽы иазымиааиз икәадыр дасуан. (аԥсуа)
Ахьча мҽеи иуасақәа ауарбажәгьы ицәагеит. (адыга)
Аԥҳа бзиа дагьҭыԥҳауп, дагьхаҵаԥҳәысуп. (аԥсуа)
Абз еиҳа иашоуп, ацха аҵкыс ихаауп, аҳәа еиԥшҵәҟьа
иҵаруп. (адыга)
Агәы ажәӡом. (адыга)
Ацәгьа иашьҭоу ацәгьа иԥшаауеит. (аԥсуа)
Аламыс змоу (иԥхашьауа) анасыԥгьы имоуп. (адыга)
Ахага ацәажәара далагаанӡа ихы аҭыԥ иқәу џьушьоит.
(адыга)
Иҵаулоу аҵеиџь акәӡам, икьаҿу ашахоуп. (аԥсуа)
Зжәытәра ыҟам иҿарагьы ыҟаӡам. (адыга)
Аџьма анынҵәаша тәыҩала еилалоит. (аԥсуа)
Иузымдыруа уаламцәажәан, иуҳәаз мап ацәыумкын.
(адыга)
Амгәа уаҩы иаӷоуп. (адыга)
Лаҵан иузымхаз ԥҵан иузхом. (аԥсуа)
Лаҵан илаумҵаз ԥҵан иузаарыхуам. (аԥсуа)
Ан лҳақ ҳақ еиԥшым. (аԥсуа)
Анап бзиа иаԥыхьашәар амаҭ шҳамгьы хәарҭоуп. (авар)
Ахшыҩ змам деҭымуп. (адыга)
Ишыдыдуа еиԥш ақәа ауам. (аԥсуа)
Ацәгьа ҟаҵаны абзиа уазымԥшын. (адыга)
Ахагагьы аиаша аниҳәуа ыҟоуп. (адыга)
Ахага иажәа цқьоуп. (аԥсуа)
Иԥшӡаны уцәажәар, иԥшӡаны аҭак уоуп. (адыга)
Абырг пату иқәҵа, аҿа агәыӷра иҭа. (адыга)
Аԥҳәыс бзиа леишәа (лчеиџьыка) еснагь ихиоуп. (адыга)
Аҩны ҩнызтәуа, асасцәагьы ргәы ҟазҵуа
аԥҳәыс лоуп. (адыга)
Амаҳә бзиа дзауз, аԥа диоуеит. (адыга)
Аӷьыч, изӡаз иакәӡам, иақәыркыз иоуп. (адыга)
Ацә гәшәамшәа ҳәо аҽы уаҵаҟьа. (адыга)
Абзиабара узеиҩшаӡом. (адыга)
Сасра имцац, асас дизныҟәгаӡом. (аԥсуа)
Ан – аҭаацәа дазшоуп. (адыга)
***
Аӡ улырхуашәа урбаны рҵа уларҵоит.
Аџьаама аҟара ҭынч иахьцәажәуа ыҟаӡам, аха уа аҟара
амц ахьырҳәо ҽа ҭыԥк ыҟаӡам.
Акры злоу иуарада, акгьы змам сиуарада.
Асас бааԥс изхара анифалаак иҩныҟа ддәықәлоит.
Уԥсра ԥшӡахар уҭахызар, агәнаҳа ҟаумҵан.
Ахаҳә адгьыл иахьынӡақәу ауп иахьынӡахаҳәу.
Илаԥш убас ицәгьан, аӡлагара алу ннакылон.
Иахьцауа ззымдыруа аӷба ԥша ахәаӡом.
Ахшыҩ змоу ахәыцра дшаҿу агаӡа аӡы дыруеит.
Алашара ахьарку аԥарԥалыкьгьы неиуеит.
Уаҵәы аҩра сықәымшәарц азы иахьа ҭынч сныҟәап.
Аԥсуа данҽыжәлалак анцәа дихашҭуеит, данҽыжәҵлаак
ихы ихашҭуеит.
Ацыркь икәашара аууп.
Ашаха иазҿамҳәаз ажәа иҿанаҳәоит.
Аҳа арҭ шаҿаз амԥа каҳаит (ҿшәеит).
Ашаразы игылаз, иҽы ҵеикит, шьыбжьон игылаз, иар
ба ҵеикит.
Амҿы хәахәа амҿы ианаалом, ауаҩы хәахәа ауаа дырнаалом.
Амаҭ аҵыхәа уақәымгылар иуцҳаӡом.
Аԥхьа ихәыцыз далнаргеит, ашьҭахь ихәыцыз – дҭанархеит.
Аиҵбы дныҟәызгуа аиҳабы иоуп.
Ӡак згыз ихы идыруан, ҩыӡа згыз ихы издырӡомызт.
Аҵәыуашьа ззымдыруаз ихы ԥиҽит.
Аҽы жәлала иҩуеит.
Инага измоу уқәнага уиҭеит.
Ҟәаҟәала иааганы мгәала изгаз.
Акәты иамырчаз акәтаӷь дарчеит.
Агәи агәаҵәеи рыбжьара аваныза ацәгьа аҳәоит.
Аҽыуаара иақәтәаз лассы дақәҵоит (дҽыжәҵоит).
Аҽы аҵыхәа укыр аӡы урнагоит, ала аҵыхәа укыр аӡы уҭ
анажьуеит.
Ауаҩы ииҳәауа анизымдыр, ахәымӡӷ уиргоит.
Агаӡа инапала амаҭ идыркоит.
Ауаҩы бааԥсы асас димаӡам.
Ауаҩы бзиа дзықәшәаз ихы анираалоит.
Итәаны ирымбаз дгыланы иҽыдирбон.
Аӡәы акранифуа уимеилаҳан, акраниура уеилаҳа.
Абри аҟәша еизыргеит ажурнал «Кавказиа»
Мшәыд-иԥа Иусҭук Мес-иԥа
Март 2004 шықәсазы
Аешьадара аҵкыс аешьа лашәы.
Ҩ-ҭӡык рыбжьара уак думанда.
Аиҭынхадараз ашьаҟа гәадызкылоз.
Ауаҩ гаӡа аҽы дшақәтәаз ала дафеит.
Аҳ иашҭа ала ҭалаӡом.
Амшцәгьа шыбзиахара, ауаҩы цәгьа дыбзиахааит.
Аҟаб аракәа алк ишьҭырхуоит, ауаҩы иҭлаҟәа ила.
Ауаҩ бааԥсы дҟалоит, ауаҩ кьаса дыҟаӡам.
Зқәала иааганы мгәала изгаз.
Аҭәарӷәы еилауҳәаргьы иԥшӡахоит.
Анышә ужыр анышә аауеит.
Акәты иамарчаз акәтаӷь дарчеит.
Агыруа уаԥхьа дургылар дуқәцаауеит, ушьҭахь дургылар
уцәгьа иҳәоит.
Аӷар (ананамга) ицәашьы амза ауп. (адыга)
Амхаҿы аҽаҩра иаԥырхагоуп ҳәа иԥхьаӡоуп ашәҭгьы.
(ашәуа)
Аҿа дажәуеит, ажә дҿахаӡом.(адыга)
Амла иамкуа ацхагьы ашаны ибуеит. (ачечен)
Аҳамҭа акәӡам, аҳаҭыр ауп. (адыга)
Угәаанагара умҵәахын, мамзар иахьыуҵәахыз уаанхоит.
Уара уҽануԥсах аҭоурыхгьы аҽаԥсахроуп.
Угәыӷны ашҳам умжәын.
Аӡы ахьцаша амҩа аԥшаауеит.
Аҭаҳмада асаби деиԥшхоит. (адыга)
Зықәра ыҟам иҿарагьы ыҟаӡам. (адыга)
Аԥшӡа дзырԥшӡуа иҟазшьоуп. (адыга)
Ақьафын зтәу аԥсы иоуп. (адыга)
Афырхацәа зноуп ианыԥсуа, ашәыргәындақәа – зқьынтә.
Аилага ихара рацәоуп. (адыга)
Ахшыҩ змам дрыцҳауп. (адыга)
Аԥынҵа змоу аҵыхәагьы имоуп.
Анхәацәа ураӷамхан, аха ан лыда ан дшыҟам дыр.
Ахага аҳыс думазар аиҵкьыс, аҟәыш тәыс уимазар еиӷьуп.
(адыга)
Ацә змамыз иарбаӷь ҵакра игауан.
Уҽурдагәар акәырбангьы умбаӡакәа ииасуеит. (аԥсуа)
Ауаҩы дыузымдыруазар дагьумырҽхәан, дагьумырџьан.
(аԥсуа)
Ацәгьа зымбац абзиа издырӡом. (аԥсуа)
Иагьа иурҽхәаргьы амҵырбӷьы аилаџь узалхуам. (аԥсуа)
Згәы абзиа ҭам абзиа дақәшәауам. (адыга)
Акры зычҳаз акры ибеит. (аԥсуа)
Ирацәаны ицәажәуа ихәыцра маҷуп. (адыга)
Ауаҩы изы ацәгьа шуҳәуа иашҭа уҭамлан. (аԥсуа)
Уҿара умбаӡакәа ииасуеит рҳәоит, атәрагьы убасоуп.
(аԥсуа)
Ажәа ҩынтә иуҳәар афҩы гауеит. (аԥсуа)
Аиаша цыркьуп.
Ауаҩы бзиа, иибаз ауп дызлацәажәуа, абааԥсы – иуҭаз.
Иугу уазҳәуа уаӷа бзиа дба.
Ашәхымс аҟынӡа уласкьазымгуа аԥшәма уисасымхан.
(адыга)
Ала бзиа аԥҳәыс илеишӡом.
Дууазаргьы дуаӷазаргьы дуаҩ бзиазааит. (аԥсуа)
Ауаҩы ицәа ихухыргьы игәы иҭоу узҭыгаӡом. (адыга)
Аҵара сасуп, ахшыҩ аԥшәымоуп. (аԥсуа)
Ашәҟәы – адырра иацыԥхоуп. (адыга)
Дасу ихарԥ ицәа иазааигәоуп. (аԥсуа)
Аҟазареи адырреи еишьцәоуп. (адыга)
Ууа бзиа изыҟаумҵуа абзиара уара хирк узалам. (аԥсуа)
Аԥсра иақәымшәац аԥсра закәу издырӡом. (аԥсуа)
Ицәажәуа иакәӡам, издыруа дгәаҭа. (адыга)
Абзиабара ахьыҟам агәырӷьара зыҟалаӡом. (аԥсуа)
Аҽы уанҽыжәу аӷаҵас, уанҽыжәҵлак уаҵас уазныҟәа.
(адыга)
Абзиара ҟаҵаны аӡы иаҭ. (аԥсуа)
Асабицәагьы аԥхыӡ дуқәа анырбо ҟалалоит. (даӷьсҭан)
Зыҭра иҭымҵуа аҳәа жьакцуеит, зыҩны идәылымҵуа
ахаҵа ашша дарчуеит. – (авар)
Лаҵан иузымҳәаз бҵан иузҳәаӡом. (аԥсуа)
Ааӡара ахаан ӡра зқәым малуп. (адыга)
Адыр инапаҿы иҟазар ашҳамгьы хәшәуп, аха амдыр ина
паҿы иҟазар – ацхагьы шҳамуп. (авар)
Абзиабаразы икаҭәаз алаӷырӡи аибашьраҟны икаҭәаз
ашьеи хәшьарак рымаӡам.
Абзиабара еиҳау мчы ыҟаӡам. (аԥсуа)
Анхаҩы иура ҩ –нхарак аланыҟәигоит.
Аамысҭа ицҳа уқәымсын.
Амаршьан дахьтәам ақыҭа уаламлан.
Гәымаа рысакаса акаԥатәык иҽанижьлеит.
Ааи дугымхааит, ҩ –џьмак урхымԥааит.
2005
Ишеит ҳәа иаҳнаҭуази аашьаҩ ииарҭа дзылымҵзар. (аԥсуа)

Ауаҩ кы имал ахә ҩынтә ишәауеит. (аԥсуа)
Ууеи уареи еицышәфала, еицыжәжәла, аха шәеиламхә
ҳаахәҭын.
Ауаҩы рыцҳа амахҽ дшақәтәоу иԥынҵа ала ацҳауеит.
(Кадыр)
Акәи зжыз иара дҭаҳауеит. (Кадыр)
Агаӡа ибызшәа иҳәаӡом. (Талат Аҭыршба)
Ажәа анырацәаха мцрак аламзар ҟалаӡом.
Ашьшьыҳәа ииасуа аӡиас ауп узыцәшәаша.
Абеиара (амал) ухнамхын, амамзаарагь уацәымшәан.
Зегьы реиҳа зыхә цәгьоу амал амала иауыз ауп.
Ауаҩ бааԥсы адунеи зегьы инапаҿы иааигоит, аха ихы
инапаҿы изаагаӡом.
Зхы зымхабзиоу ауаҩы дырцәымӷуп.
Анцәа ауаҩы ҿыки ҩ-лымҳаки ииҭеит: имаҷны ажәақәа,
ирацәаны уӡырҩы ҳәа.
Амчра ауаҩы ахала изааиӡом, мчыла игароуп.
Ахәыҷы ахаа ирбаны дыржьуеит, аду амц агәра ирганы.
Ақәыџьма ахәы аԥсахуеит, ахаԥыц каԥсауеит, аха агәы
аԥсахӡом.
Ирацәаны аԥара иашьҭоу ирацәаны ицәыӡуеит.
Ақәа аԥсабара агәы анԥжәуа, иканаҭәуа алаӷырӡ ауп.
Амц ашьапқәа кьаҿуп.
Лассы –лассы згәаанагара зыԥсахуа – гәаанагара имаӡам.
Абзиабара аԥхьарца иаҩызоуп, арҳәашьа узымдыруа
зар абжьы ҿаасҭахуеит.
Ауаҩ кы иџьыба амариал ҭоуп.
Аԥара маҷзар, ачах уашьҭамлан.
Ауаа ирыгу иҳәоит, иара игу издыром.
Уразҟы умамзар ухәымџьар ҩынҩажәаџьара еилашәоит.
Угылар ушкаҳуа удыруазар, уахьыҟоу утәа.
Ажәа хаа аӡын еиқәҵаа ааԥынранатәоит.
Амал ауаҩы рацәак акгьы инарҵом, амамзаара дарҟәы
шуеит.
Аӷлам саҟарахап ҳәа имгәыӷуа ԥсыӡ ыҟаӡам.
Абзиабара хьшәашәуа ианалагалак ахьаақәа рацәахоит.
Алыг иеигәырӷьуа лыгкгьы дҟалоит.
Аразҟы уманы уманшәаламхар башоуп.
Аблазаҵәы алашәцәа данрылатәа аҳыс ихы иԥхьаӡеит.
Уҽыжәымлар аҽы уканажьӡом.
Амҩа иацәҟьалаз иазҵаауаз амҩа дирбуан.
Аҳәсақәагьы амаҵура ду иалоу ирҩызоуп, рҩызара ԥсын
ҵра амаӡам.
Аӡәы егьырҭ ирыгу идыруеит, иара игу издырӡом.
Уи кәыбрык даҩызазаргьы уаӷа уицәшәа.
Аилага сааҭк ала убриаҟара азҵаарақәа уиҭоит, ахы змоу
шықәсыкгьы аҭак изыҟаҵаӡом.
Уҽада ашьха иушьҭит ҳәа имахҽны (иҽны) изааӡом.
Агәы хьшәашәа ажәа ԥха зҭыҵӡом.
Амалуаҩ иуацәа рацәоуп.
Аԥхашьара зыла ихым иаҳаҭыр маҷуп.
Зхәыцра кьаҿу (маҷу) иажәа рацәоуп.
Аӷар алақәа дахҭаркуеит.
Амцҳәаҩ аиаша аниҳәауагь игәра ргаӡом.
Ачча хаа аҵх арлашоит.
Аԥара анцәажәуа аиаша абжьы гаӡом (ҿнаҭӡом).
Аӡыржәтә зҭугуа аӡыхь еимаумԥсан.
Ачымазаҩ анцәа деиқәирхеит, аԥара адоктор игеит.
Џьаннаҭҵәҟьагьы ауҩы имацара дзынхаӡом.
Ауаҩгьы аԥсыӡ даҩызоуп. Аԥсыӡ аӡы иҭыҵыр иԥсуеит,
ауаҩы ауаа дрылҵыр дыԥсуеит.
Аус алагара аус аҟалара иабжоуп.
Аԥара иазаамыртуа гәашә ыҟаӡам, аха иазаркӡом.
Зны амц уазҳәаз ҩынтә аиаша иҳәаргьы игәра узгаӡом.
Амаҭ зыршьуа ашҳам азы ауп (абыз азы ауп).
Ҽнактәи уура шықәсык уабоит (уныҟәнагоит), аха шықә
сыктәи уура маҷк уаназныҟәымгауагьы ыҟоуп.
Зны иҵәыуа, зны дмыччар ҟалаӡом.
Ухәыҷы аҿымҭра ирҵа, ацәажәара ишакәхалаак иҵоит.
Ацәгьа уанақәшәуа ауп ууацәаҵәҟьа анеилкаахуа.
Амла иакуа дыԥсӡом, иԥсуа зызхара ҟамлуа иоуп.
Ачҳара змоу ауаҩы игәахәтәы дахьӡоит.
Аԥшӡареи ачҳареи анеилала, ириааиуа мчык ҟалаӡом.
Ауаҩы дужьар уҭахызар, аиаша иаҳәа.
Агәыӷра зцәыӡыз ԥсык диҩызоуп.
Аиаша ашаҳаҭ даҭахӡам.
Абааԥсы ҟаҵаны уахьхәыр аҵкыс абзиа ҟаҵа.
Анкьатәи ҳгәалашәарақәа ԥхьаҟатәи ҳгәыӷрақәа роуп.
Абзиара иҳамоу анҳагхалак ауп изыԥсоу анеилаҳкаауа.
Иаҳхыҵуа ашықәсқәа реиԥш аамҭак ласны имҩасӡом.
Иудыруа зегьы умҳәан, аха иуҳәуа удыруазааит.
Адунеи аҿы зегьы реиҳа инанамгоу, ԥарамзар аҽак змам
ауаҩы иоуп.
Уаныҷкәыну амшқәа кьаҿуп, ашықәсқәа аууп, уанажәлак
иаарҳәны.
Ашьтәа ужәызар угәыла ихәы ша, аҟара ацны иузаауеит.
Ахшара дануоу нахыс умшра зегьы ухшара иртәуп.
Аԥҳәыс сбааԥсхуеит ҳәа даналаг илеицәоу дҟалаӡом, сыб
зиахуеит ҳәа лҽаназылкгьы илеиӷьу дҟалаӡом.
Ахшыҩ адунеи ианыӡааргьы сыхшыҩдоуп ҳәа аӡәы
иҳәаӡом.
Ацәгьахәыцҩы инышәынҭра зжуа диауӡом.
Ашьха ҳаракы ахаларагьы ашьапаҿынтә уалагароуп.
Иреиӷьу ҳәа удәықәлар ԥҳәыс дузаамгеит ауп.
Амц убыс иҟоу хҿоуп, зны-зынла иҭзырҟьуагьы дахәуеит.
Ауаҩы иакәым ҟаиҵар илшуеит, аха ауаҩ ҟәыш иакәым
шыҟаиҵаз идыруеит.
Аҵашьыцра чмазароуп.
Дасу хазы ауаҩы хазы дунеик имоуп.
Аибашьра ззымдыруа аҭынчрагьы издырӡом.
Аҳәса зшоу бзиа иаабаларц азоуп.
Адгьыл (анышә) хаамзаргьы иқәааурыхуа хаауп.
Ааԥынтәи асы бзиа еибабуа ргәеизынхара иеиԥшуп, иа
аит ицеит.
Ашәара зхылҵуа амдырра ауп.
Анхаҩы икәты ҽнак зноуп ианҵуа.
Ари каркарра игӡам, аха кәтаӷьк нҵоны уаҩы ибаӡом.
Аԥҳәыс каҷбеи кәтаӷьк ҭаацәак алалбуеит.
Ууаҩ бзиахар уҭахызар, зегьы ушреиӷьым агәра га.
Ашьха ԥынҵала ацха аанагоит, аха аҵыхәа ашҳам амоуп.
Аҽада иара алымҳақәа абаӡомызт, ажьа алымҳа иахыччон.
Ауаҩы баҩдан иԥаҵа чычарҭахәыс икуеит.
Узеилаҳаз иҟь… улаҳаит.
Ауаа ушрылагылоу аҽада ҵыгьны иусыр, уара уамысын.
Аҵла икаҳаз згылаӡом, аҭыԥаҿы аҽакы еиҭаҳа.
Ашәыр зҿоу аҵла ауп алаба згәыдырҵоуа.
Зыԥсы мцац ауаҩы изы ҳгәыӷра ԥсӡом.
Абжьас аҵыхәа укыр уҭахызар ахаԥыцқәа шамоу ухау
мыршҭын.
Абз агәы ианарҳәо ауп иаҳәуа. (адыга).
Абаӷь ангәаа, ицан ахәылҭра иҭалеит.
Напыла иааганы мгәала ачара.
Аҽлых (аҽыбзиа) аҳаҭыр ала ҽышәк аӡы ржәуеит.
Кәтаӷьк (ада) амацара акәзаргьы сара истәызааит.
Аԥсуа иԥсырҭа иламыс ауп.
Аҿы иҭыҵуа ажәа ашәақь иҭҟьуа ахы иаҩызоуп.
Усас ухы-уҿы ччо уиԥылар, ацә изушьыр еиҵкыс инаҭуеит.
Сасра уцар уҭахызар, усас ишихәҭоу ала пату иқәҵа.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 11
- Büleklär
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3510Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3532Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3604Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3579Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3554Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3489Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23990.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3599Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1131Unikal süzlärneñ gomumi sanı 7510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.