LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 08
Süzlärneñ gomumi sanı 3488
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
«Афициант, ашәахтә хаз –хазы иаҳзааг» – иҳәеит Кәадыр.
376. Маздагә, ашәаџьҳәаҩ дидырбеит, дидмырбеит
хьаас имаӡамызт. Ԥсрак ҟалеит ҳәа ахьааиаҳаз уа дыҟан.
Уантә даныхынҳәлак ада ажәабжь имаӡамызт. Ари зны,
ари ҩынтә, ҵыхәаԥҵәарадахеит. Ҽнак, Маздагә иажәабжь
даналага, Кадыр дахьтәаз ус иҳәеит:
– Уара, Маздагә, исхәыцыз удыроу? Адаԥазары ма
Диузџье ҩнык нкыла. Уа есымша ԥсрак ҟамлар ҟалаӡом,
уаргьы аԥсрахьы умцар ууӡом. Уа уҟазар, иаауаҳаит, уне
ит. Мамзар арантә ацара, аара ухнарҵәап.
Абри Назим Ҳикмет ибаҳчаҿы иит.
Кадыр Аӡынба иҳәамҭоуп.
373. Кадыри Кәадыри еибамбеижьҭеи акрааҵуан, иа
неибаба:
– Уара, ныҟәара уҟаны уааижьҭеи усымбаӡацт, уш
баҟоу? – ҳәа дҵааит Кадыр.
– Иумҳәан, сыԥҳәыс тәымуаҩык дышлыцшьҭаз дақәскит.
– Нас иауҳәази?
– Иасҳәараны иҟази, тәым уаҩын, ҳабызшәа издыр
ӡомызт – иҳәеит Кәадыр.
377. Аҳмаҭ иҭынхацәа, игәылацәа рҽааидыргылан,
«Меҳмеҭ ила уцҳаит, ма ихаҭа дуԥҟароуп, мамзаргьы иуц
ҳаз ала ушьыроуп» – рҳәеит.
– Акымзаракгьы ҟасҵом, сара хьымӡӷы сыдӡам, ҳарҭ
ҳаиҭоуп, ҵыԥхцәа зны Меҳмеҭ сара сла ицҳахьан – иҳәеит.
374. Ақыҭа ахылаԥшҩы, аӷа изы анхацәа есышықәса 7
–7 кәты еизыргон. Кадыр шықәсык 6 кәтык изааигеит.
378. – Уара, смаӡаныҟәгаҩи уареи шәышбаҟоу? – ҳәа
Кадыр ихаҭыԥуаҩ Расим диазҵааит
– Иҳабыргузи, еимактәы ҳамаӡам, – иҳәеит Расим.
– Ус акәзар, лусура дшамсхыз уара илаҳәа – иҳәеит Кадыр.
379. Сабрина аус ахьылуоз афабрикаҿы хаҵак даныл
гәаԥхалаак, «уара, ҳҩызцәа, уареи сареи ҳаидкыланы,
ҳаӡбахә алацәажәара иалагахьеит», – лҳәуан.
380. Аԥсуаа ирыланхоз лазк, ҽнак, игәылацәа ажәабжь
реиҳәон: – Америка убас иҟазаап ҵасны, амашьына уҭа
хызар амала, абылтәы уҭахызар амала, акрыфара уҭа
хызар, аресторан унаҩналоит, иуҭаху ыфа амала.
– Аԥсыуак изыӡырҩуаз, уара Америка уҟазма, иабау
дыруеи? – ҳәа диазҵааит.
– Сара сымцаӡацт Америка, аха сыԥшәма уа дыҟан, ужә
ааигәа дааит – иҳәеит.
381. Аԥсуа хәаџьак дыԥсын нарцәы дахьнеиз, анцәа
имаҵуцәа ааикәшан иазҵаауа иалагеит:
– Уԥҳәыс дужьахьазма зныкыр?
– Мамоу.
– Аҳәса бзиа иубуазма?
– Мамоу.
– Арыжәтә ужәуозма?
– Мамоу, ахаангьы иҳәеит.
– Иаажәг амҵәыжәақәа! ирыдиҵеит анцәа имаҵуҩы.
– Смаалықьхуеит, ус аума? – иҳәеит аԥсуа дгәырӷьаҵәа.
– Мамоу, уҟызхоит! – иҳәеит амаҵуҩы.
383. Емине лаб длазҵааит, «бара, Муса ҷкәына бзиоуп,
бзимыццуази? – ҳәа.
– Мамоу, сиццаӡом, уи датеиступ, анцәа дхаиҵаӡом,
џьаҳнымгьы џьанаҭгьы хеиҵаӡом – лҳәеит.
– Дад, баба дбыкәхшоуп, бицца. Знык бара биԥҳәысхар,
анцәагьы џьаҳнымгьы иаразнак ибырбуеит – иҳәеит Еми
не лаб.
384. – Уара, ԥҳәыс дааугар, ахшара лмоури, нас уара
иуцымхраари – ҳәа аашьаҩык аҽԥныҳәа ииҭеит Гәмаа
рхәаџьа.
– Нас зцәа зтәымкәа иҟоу ԥҳәыск дысзыумԥшаауа –
иҳәеит аашьаҩ.
385. – Уара, Диузџье цатәыс исымоуп, сузгару? – ҳәа
Ариф иаб ателефон дизасит. Зызхара змашьына змыр
ныҟәацыз Ариф дгәырӷьаҵәа дақәшаҳаҭхан, аб ама
шьына данынҭала, «уара, хыхь сиарҭаҿы сеиқәа аџьыба
сԥарақәа ҭоуп, иҭыганы исзааги, иахьаҳҭаххуа иудыру
ази», – иҳәеит аб. Аџьыбақәа иркшеит Ариф, аха акгьы
имбеит, иҳәеит. «Уара мышрақә иақәшәаша, џьара уанцо
жәантә суазҵаауеит, уџьыба акырҭоума ҳәа, абри сара саб
аҟәрышь азы ушбаҟоу ҳәа сазҵаара зыугәаламшәози? –
иҳәеит аб.
382. Ҿыц ԥҳәыс даазгаз лазк Мысҭафа, исасцәа аны
наиԥырҵ:
– Ух, гәышьа, анцәа иџьшьоуп, шьҭа сшьапы неиҵых
ны ҭынч сыԥсы сшьап – иҳәеит.
– Амҳарахьы схалап, ҳиарҭа ҟасҵап – лҳәеит аҭаца.
– Мамоу бара, сеимаақәа сыршьоит, сшьаҵа сышьхны
сшьапы аԥсы асыршьап ҳәа ауп – иҳәеит.
386. Аԥсыуа ҷкәынак арра иԥхьан, дахьнеиз, аруаа рко
мандир диазҵааит. Аԥсылман дин иамоу аԥҟарақәа уды
руама? – ҳәа.
Аԥсуа, «сара издыруеит» – иҳәеит: «Иҳәа» аниҳәа аи
ҳабы:
«Аҽы, ауапа, акәадыр, аҟамчы, абџьар» – иҳәеит аԥсуа.
387. Ҭырқәтәыла инанагаз аԥсуак иазҵааит «анамаз
укоу?» – ҳәа.
– Мамоу, сара аԥсыӡ скуеит, ача скуеит, ашьацҳәа ма
ацәҟьа ҳаны абгақәагьы скуеит – иҳәеит.
388. Сҩыза бзиа, убых лафҳәаҩын аррагьы ҳаицыҟан,
дычмазаҩхеит. Иҽыихәшәтәрацы дахьнеилаак, «уара
акымзарак удаабалом, убзиахәха уҟоуп» – рҳәон. Аҵыхә
тәан, зда дыҟамыз профессор дук иҽиирбеит. Уигьы, «уа
ра угәы бзиоуп, чмазарак удызбалом» – иҳәеит.
– Иа шәиу-шәиу, ауаа ачымазарақәа идыргәаҟны, ау
ма рхыганы иԥсуеит. Сара хьаа сымаӡамкәа, сышбаԥсуа?
– иҳәеит.
«Ҭырқәтәыла, аԥсуа ҳәынҭқарра аиҿкаара сгәы иҭоуп,
ҳәынҭқарс уара уҟасҵоит, уԥшра ыҟоуп, уоура ыҟоуп –
ҳәа. Ҽнак, абаҳчаҿы санааи, Расым имала дтәаны акы
даԥхьон. «Судтәалар суԥырхагару? – сҳәеит. Мамоу, ара
узтәаӡом, сара сеилахоуп» – иҳәеит. Уи нахыс аԥсшәагьы
иасымҳәеит, сыла дхысмырԥшылеит. Иҟалаз Кадыр
иасҳәеит. Ус шбауҳәоз ҳәа Расым аҽԥныҳәа анииҭа: «Уи
шәара дшәыздырӡом, абра Ҭырқәтәыла аԥсуа ҳәынҭқарра
еиҿикаарц игәы иҭоуп» – иҳәеит.
(Иҟалаз хҭысуп).
392. Аԥсуа дины данынкашәа инаркны абжьаратә
школ иалгаз иаҟара адырра имоуп, убысҟак игәеилгара
ҵаулоуп.
Суаҭ Берзег иҳәамҭоуп.
389. Суаҭ Берзег доктор бзиоуп, ҳаиҩызцәоуп. Хьаак
ансоу, Лаак ида ԥсыхәа сымаӡам. Суаҭ абаақәа абас –абас
анысҳәалаак:
– Уара, сыԥсуеит ухәоишьҭеи, Сҭампылаа рыбжаҩык
нҵәахьеит. Акы уацәымшәан, егьа усхәшәтәыргьы мыш
кы зны умԥсыр ауӡом, – иҳәеит.
Еҭем Аргәын иҳәамҭоуп.
393. Камшьышь машьынала дықәхысаа Сабанџьа даа
ихьан еиԥш аинспекциа дныркылеит, амцхә уаӷьны уцу
ан ҳәа.
– Мамоу, санхәа лахь акәын сахьцуаз, аӡәы ианхәа лахь
данцуа дыццакуа шәбахьоума, – иҳәеит.
391. Расым ҳәа аӡәы дааигеит Кадыр. Дҳадаҳкылеит
абаҳчаҿы, ҳлафуан, ҳахәмаруан. Сара ҽнак ус иасҳәеит:
394. Шьамси аресторан аҿы днеин, агарсон еиҳәеит:
«уаргьы уналаны зегьы ҵәыцак ҵәыцак ависки сыхьӡала
ижәжәы» – ҳәа. Ахәшәараҿы ианааи, «аԥара сымаӡам» –
иҳәеит Шьамси.
Аԥара умамзар абас ауп иуқәнагуа иҳәан, ахылаԥшҩы
Шьамси амагәшьхәа дарганы ддәылицеит. Аҽазны Шьам
си дааихын, «ахылаԥшҩы ида егьырҭ зегьы сыхьӡала
ҵәыцак ҵәыцак ависки рызҭашәҭәа» – иҳәеит. «Сара
сызхәурҟьауази?» – ҳәа ахылаԥшҩы даниазҵаа,
– Уара ианужәлаак, аисра удыруеит, – иҳәеит Шьамси.
390. Суаҭ Маиҟәаԥ инхоз иашьа Ведат иҿы дсасуан.
Ҽнак, Ведат џьара дцан, агәыла ԥҳәыс Суаҭ ихәы ҟаҵаны
дналԥхьеит. Акрыфаны дшааиуаз агәыла ԥҳәыс лла ицҳаит.
– Ушбақәшәеи, иҟалази? – ҳәа ианиазҵаа,
– Ала ахәы шысфаз гәҩарас иакызар акәхап, исызгәаан,
исыцҳаит, – иҳәеит.
395. Урычхан хәыҷы лани лаби амқьаҳ ахԥырҵәоз
чарак ахь дыргеит. Аҭацеи амаҳәи асцена ишаақәгылаз
еиԥш лан длазҵааит Урычхан:
– Аҭаца шкәакәа маҭәала дзеилаҳәоузи? – ҳәа.
– Ашкәакәа ԥштәы агәырӷьара, аԥеиԥш бзиа, абра
қьаҭра иадыргоуп – лҳәеит Урычхан лан.
– Шьҭа еилкаауп амаҳә еснагь аиқәаҵәа зишәу – лҳәоит
Урычхан.
396. Ахәаџьа амедресе аҿы иаирԥхьоз ахәыҷқәа драз
ҵааит:
– Амш заҟа сааҭ ыҟоузи? – ҳәа
Аԥсыуа ҷкәынак амедресе аҿы иаԥхьоз,
23 сааҭ, ахәаџьа ухаҵкы, – иҳәеит.
– Заҟантәы ишәасҳәхьои, амш 24 сааҭ ыҟоуп ҳәа.
– Ы, иацы уара уакәӡами иҳазҳәоз, амш сааҭк агхеит
ҳәа, – деиҿамхаӡакәа аҭак ҟаиҵеит аԥсуа хәыҷы.
397. Қьаазым дкасаԥын акәац иҭиуан. Ҽнак акәац
ахьықәыз ашәымкьаҭ аҿы «Акәац баауп» ҳәа ианҵаны ала
ҳәара кыдиҵеит. Ари збаз Емине хырзаман лырҿио, деи
лагарц акгьы лыгымхеит, «акәац баа шбаҳҿоуҵа?!» – ҳәа.
– Хьаас ибымкын, Емине уи амҵқәа рзоуп изанысҵа –
иҳәеит Қьаазым.
398. Ҿыц аусура иалагаз лаз журналистк аӡсараҿы
аԥхьагылара згаз аԥсыуак азҵаара ииҭеит:
– Уара, абас иԥшӡаны аӡсашьа абауҵа? – ҳәа.
– Аӡаҿы исымҵеи иҳәеит, – аԥсуа.
аҿы днатәеит, ацыгәқәагьы ахьааз уаҩы изымдырӡуа,
иԥаны ишьамхы иаақәтәон.
– Уара, абарҭ ацхь иагаша, дареи сареи ҳшеиҭынхацәоу
разҳәуада?! – иҳәеит Цгәы Ҳафиз.
Кадыр Аӡынба иҳәамҭоуп.
400. Кадыр Баҳариа амҩа ду даныланы дшааиуаз, ԥҳәыск
дибеит, иԥсгьы налылаҳа ицеит.
– Ах, баргьы саргьы ҳханда, закәытә малузи баша
иҵәахны ибымоу, – иҳәеит.
401. Алҵыкә знызынла заарак изааиуан, аха иҭынха
цәа дныркылуан. Зны ишыҟала здырхуада дрыцәцеит.
– Абаақәа, Ҟәарацәгьаҟа дышәмышьҭын. Уа дцар, дры
лаҩашьауеит, дҳазрылдырааӡом, – иҳәеит Кадыр.
Џьивдет Ашәымхәаа иҳәамҭоуп.
402. Бериа ҳәа аԥсуаа зцәымӷаз хылаԥшҩык дыҟан.
Абласаркьа (Бериа) даныршь ашьҭахь иԥсы ҭынчмызт,
дзыцәомызт, дцәырҳаны дааԥшуан. Иҿынеихан ҟәыдр
ԥаҩык ауриак иҿы дцеит, дҵаарацы.
– Уара аԥсуаа ргәырӷьара аан ауп уанԥсуа, умԥсыкәа
уԥсы ҭынчхашьа амаӡам – иҳәеит иԥшҩы.
– Урҭ аԥсуаа ҳәа узҿу рчара, ргәырӷара анбыкәу, ҽҳәа
рас иамоузи? – ҳәа дҵааит абласаркьа
– Уара уанԥслаак аҽноуп, урҭ рныҳәа рчара, иҳәеит
аԥшҩы.
399. Цгәы Ҳафиз уамашәа ацыгәқәа дырчычан. 20 –ҟа
цгәы иман иҩны. Ацыгәқәа иаргьы ичычан. Крыфарҭак
403. Хаҵак дыԥсит. Нарцәы дахьнеиз иааисны дыркит,
– Уара уазусда, макьана арахь иуусузи?! – ҳәа.
– Саргьы арахь макьана аара сгәы иҭаӡамызт, аха
сызхәшәтәуаз адахәҭар дыццакцәеит, – иҳәеит.
404. Амҩаҿы амашьына машәырк ҟанаҵеит. Ажәлар
еизеит рыжәпара узалсом. Аӡәы уама ҟаиҵоит, «амашьы
на зысыз саб иоуп, снашәышьҭ» – ҳәа.
Ауаа неиха-ааихан, «аԥа» амҩа ирҭеит. Днеизар, ама
шьына зысыз аҽада агәы хаккала икажьуп.
405. Ахагацәа рыҩны амца акын, ибналаз хәҩык рыда
зегьы шьҭахьҟа иааргеит. «Ахәҩык ԥшааны иаажәгароуп»
– ҳәа аҭакзыԥхықәыз амаҵурауаа дәықәырҵеит.
– Рыхәҩыкгьы аажәгама? ҳәа аҳақьым хада данразҵаа,
«хәык закәызеи, 20-ҩык ааҳгеит» – рҳәеит.
406. Лазк ауха џьара дыҟан, аҽны дышгылаз дыцәон.
«Уара аҩны уцаны уцәа, аусҳәарҭа аиҳабгьы дыҟам иа
хьа» – иҳәеит иҩыза аԥсуа. Арахь алаз аиҳабы дицәшәаны
дыԥсуеит. Ус иагьыҟаиҵеит. Аҩны даннеи, ахышә дын
кылԥшзар, аусҳәарҭа аиҳабы иԥҳәыс дырххо диманы
аҩны дыҩноуп.
Дыҩны аусурахь дааит. «Узаази, иҟалази?» – ҳәа иҩыза
данҵаа,
– Ахышә сшнкылԥшыз ауп, мамзар аҩны сныҩналар
ҳеиҳабы сикуан, амаҷ аасыгхеит иҳәеит алаз.
407. Аԥсара ҳәа иахьашьҭаз, аԥсыуак дәқьанк ааиртит.
Ала абыз ҟәыкратәи шоуроуп, аха ауаа агәаран ақәгылоуп.
Аӡәы ашә, аӡәы акәац, ҽаӡәы ахәша ааихәоит.
Ԥҳәыскгьы аԥхӡы лҿашы дрылагылоуп.
– Аҳкәажә, бара ибҭахузи, бгәы зынхьози? – ҳәа длаз
ҵааит аҭиҩы.
– Сара акгьы сҭахӡам, абна авитринаҿы иқәу амалқәа
рахьтә акы ахьыӡ «аиран» ҳәа иануп, аԥсышәала уи
«аӡыршла» ахьӡуп. Убри уриашар сҭахуп лҳәеит.
Џьевдет Ашәымхәаа иҳәамҭоуп.
408. Аҭырқәа шәҟәыҩҩ ду Азиз Несин ақыҭаҿынә Сҭам
пыл иааны зҭыԥ ззымԥшааз ҷкәынаки иареи еибадырит.
Несин еснагь иԥсҭазаара дазыразымызт.
– Еи, сашьа, иҟауҵарызи, уаргьы сара сеиԥш калам
ԥынҵала схы ныҟәызгоит ҳәа уаҿуп – иҳәеит аҷкәын.
– Уара иузанааҭузи, ушәҟәыҩҩума, ужурналистума? –
дҵааит Азиз Несин.
– Мамоу, сара есымза анҵәамҭазы саб ашәҟәы изы
зҩуеит, схы зланыҟәызго аԥара сзаашьҭы – ҳәа иҳәеит
арԥыс.
409. Кадыри Мураҭи еизарак иалахәын, ианаадәылҵ
Мураҭ дҵааит:
– Уара, ҳаиԥырҵуоу, абаҳчахь ҳцуоу? – ҳәа.
– Абаҳчахь ҳцап, аха сара шьапыла сызцаӡом, машьы
нак сақәтәароуп, – иҳәеит Мураҭ.
– Сара амҩан уск сымоуп, маҷк садхалуеит, нас абаҳ
чахь снеиуеит – иҳәеит Кадыр.
Кадыр дааит абаҳчахь, иҭыԥ ылхны дыԥшит иҩыза
дыҟаӡам.
Ԥыҭрак ашьҭахь Мураҭгьы дааит
– Уара, машьынала иаауаз уабанха, сара шьапыла иаа
уаз саижьҭеи иҵуази – иҳәеит Кадыр.
– Саазгуаз амашьынагьы сара исеиԥшын, – иҳәеит
Мураҭ.
Џьевдет Ашәымхәаа иҳәамҭоуп.
410. Ҩыџьа аҭыԥҳацәа ԥсын, џьаннаҭ гыларҭас ироу
рацы амаалықьцәа аус ахьырӡбоз инеит.
– Сара, сан сшаалыхшаз сыҟоуп, хаҵак инапы скьым
сыц – лҳәеит раԥхьа изызҵааз аҭыԥҳа.
– Бара, џьаннаҭ зықәнагоу боуп, бысҭ ацыԥха! – иҳәеит
аиҳабы.
– Сара, 14 шықәса анысхыҵуаз абри аус салагеит, хаҵак
дсаҩсмыжьит, иахьагьы саҿуп абри аус – лҳәеит лҩыза.
– Сара џьаннаҭ аҭаларазы ацыԥҳа сызбықәнаргом.
– Бысҭ сара сыҩны ацыԥҳа, ахәымҽхан саргьы аҩныҟа
снеиуеит, иҳәеит амаалықьцәа реиҳабы.
411. Мамеҭ Али ҽадабаӷь леишәацәгьак иман, ацқәа
хырџьаџьаны, алымҳақәа ақәԥсаны, ахаан ччаԥшьк ахы –
аҿы иқәымлацызт. «Абри сҽада зырччо, хәырџьынк азна
ахьы исҭоит» – иҳәеит Мамеҭ Али. Аӡәы, ҩыџьа, хҩык,
даара рҽазыркит, аха акгьы алымҵит. Аԥсуак Мамсыр
зыхьӡыз «уи сара избап» – иҳәан, днеин аҽада алымҳа
дынҭахәыҭхәыҭын, аҽадабаӷь кьатеиԥҵәараха иаазкыл
сын, абар мчыбжьык ҵуеит аччара иаҟәыҵом. «Абри
сҽада аччара иаҟәызхуа қьасак азна ахьы исҭоит» – иҳәеит
Мамеҭ. Мамсыр аҽада ндәылиган, аччара иааҟәыҵит.
«Излаҟәухзи?» – ҳәа иааисны дыркит Мамсыр.
– Раԥхьа, уара иумоу аҵкьыс сара стәы еиҳауп сҳәан,
акьатеиах аԥҵәара иалагеит, ашьҭахь сара сызлаҟаз ана
сырба, аччара иааҟәыҵит иҳәеит Мамсыр.
Атилла Уанаҿа иҳәамҭоуп.
412. Баз Хәсин шәарыцаҩ бааԥсын, хреи шәарахи
еиқәиртәомызт. Иимбацыз имаҳә диԥхьан, иуа, иҭынха
адгаланы ачара иуит. Амаҳәгьы дыԥхашьа-ԥхаҵо аг
ҿаҩра аҿы иҩызцәа дрыдгылан. Ишааиуаз абхәа Хәысин
ишәарацарақәа раан, дызкырц игәыдлаз ахра мшәы аԥ
сырҭа шкыликааз ахҭыс исасцәа ирзеиҭеиҳәон. Амаҳә
дыԥхашьа –ԥхаҵо дахьгылаз игәы ааиҵаԥалан:
– Аа, рацәа ухаҵоуп Баз Хәсин! – иҳәан ибжьы ааиргеит.
– Уара, наҟ ддәылыжәгеи ари ҳамаҳә, ари аԥҳәысаа
гара иҵеит, аха уи иацу акәама-ҵамарақәа изымҵеит –
иҳәеит абхәа Баз Хәсин.
Абдул Кадыр Арӡынба иҳәамҭоуп.
413. Зурқьуф арыжәтә дазгаган. Иааибит иҽӡааи
шьылон. Иқәрахь даннеи ари саҟәымҵыр ҟалуам иҳәан,
иҽаибыҭаны ҳаџьра дцеит. Уи ашьҭахь агьама убар ҟа
лаӡом, игәнаҳоуп. Аха Зурқьуф дзаҟәымҵит … иҟауҵуа
закузи, ҳаџьра умцаӡеи анырҳәалаак иҩызцәа,
– Сеиҭамцахуеи, – иҳәон.
414. Дели Мураҭ ҳәа иҟаз аԥсуа Ескешьеҳир крыфарҭак
аҿы днеин, ихәы анааимҵадыргыла,
– Уара, шәмаҵурҭа абааш еиԥш ицқьамкәа иҟам, ес
сымша ишәыӡәӡәуозар акәхап – иҳәеит.
– Иалудраауази? – ҳәа дҵааит ахәы аазгаз.
– Исымдыркуа, иааугаз зегьы асапын фҩы рхышәшәоит
– иҳәеит Мураҭ.
415. Ачаижәырҭаҿы абыргцәа тәаны чеик инахәуан,
алафгьы рҳәуан. Аӡәы дахьтәаз, «абри Босфор ацҳа аҟынтә
аԥара даара ишәарҭоуп» – иҳәеит.
– Ишәарҭоу ацҳа аҟнытә аԥара акәӡам, амшын аҽа
лажьроуп – иҳәеит иӡырҩуаз Мураҭ.
416. Мураҭ аӷба дақәтәаны мҩак дықәлараны дшыҟаз
бжьык илымҳа иааҭеиҩит: «уақәымтәан, иӡааҟәрылуеит?
– ҳәа. Аҳаирплангьы ус, адәыӷбагьы убыс. «Уара, уазус
да?» – дҵааит Мураҭ.
– Сара, анцәа иҟынтә знапы уану соуп – аҭак иаҳаит.
– Нас ԥҳәыс данаазгоз уабаҟаз – иҳәеит Мурат.
417. Алым, исфаша акы сԥыхьашәуазар ҳәа ицхлы
муа абна илаланы ишнеиуаз, ихраа-ӡраауа аҳәынаԥқәа
ирышьҭаз ҩны цгәык абеит.
– Уара, сара сыжәлантәқәа уреиоуп, мықәшәатәрас
узықәшәази, ари узаҟарахази? – ҳәа ихәыҷшьаны ацгәы
иазҵааит алым.
– Ауаа рнапаҿы унхар сара сеиҵкьысгьы уеицәахон, –
аҳәеит ацгәы.
Ҳақы Ажьиба иҳәамҭоуп.
418. Аԥсыуак ашыцра дылаланы дышнеиуоз изымды
руаз аӡәы диқәшәеит. Ианеибадыр,
– Сԥиамбаруп сара, иаауҭаху исылымшо акы ыҟам –
иҳәеит аԥиамбар. Аԥсуа ихы саны дыҟан, акәыбрқәа ҭаха
ирҭомызт,
– Абарҭ акәыбрқәа срымфо иҟаҵа! – иҳәеит аԥсуа.
– Уи сылшом, аҽакы уаҳәа – иҳәеит аԥиамбар.
– Абарҭ акәыбрыҵәҟьақәа урзымиааиуазар, уабатәи
ԥиамбару?! – иниаҽԥниҳәеит аԥсуа.
Агәмаа Фети иҳәамҭа.
419. Зҟазара уамак идумыз жакьа саҩык иҿы схы-сҿы
срыцқьуеит ҳәа аԥсуак днеит. Ажакьа саҩ убас акы даҿуп,
аха зԥаҵа исуа ауаҩ ашьа ҟәадабаа иҿашы.
– Уажәада ара уааины уԥаҵа усахьоума? – ҳәа дҵааит
ажакьасаҩы
420. Иахьа ҳашкол аҿы амузыка арҵаҩ хәбақәа ҩба
сиҭеит, иҳәеит Мемо хәаҷы иаб димҵаҽхо
– Изхауиҭеи ахәшьара бзиа, иҟауҵеи? – дҵааит аб.
– Акы, ашәа ахысҳәаз азы, егьы уаҳа ахьысмҳәауазы –
иҳәеит Мемо.
421. Адулаԥ аҟнытә аҳалуа ҭыганы ишугоз збеит, абжа
сара исуҭароуп – иҳәеит Ҳакан хәаҷы.
– Азамана, абжа усҭоит, аха уаха, ҳан данааилак исфо
алаба абжагьы уара иуфароуп – иҳәеит иашьа еиҵбы.
– Мамоу, снапы Чанаккапе аибашьраҿы ауп иахьсц
әы
ӡыз – иҳәеит аԥсуа.
422. Аусура узалҵзи? – ҳәа иазҵааит Олгәын.
– Салымҵӡеит, аиҳабы самихит – иҳәеит аҭакс.
– Узхирҟьази уара?
– Саргьы иара еиԥш снапқәа сышьҭахь иҟаҵаны усура
снеиуа салаган, ихы сахибаан самихит – иҳәеит Олгәын.
423.Аишье сыԥҳагьыдшыҟоу назбап,сагьыналылаԥхьап
лҳәан сасра лыԥҳа лыхь дцеит. Цас иуазшәа, ауха лымаҳә
арыжәтә иҽарганы, иҿы еилымгуа дааит.
– Даҽазны сымаҳә абас аҩы иҽарганы данызба, уа
ҳа сааӡом – лҳәеит ан. Акы ибмырҳан, мамзар ажәра да
ҟәыҵӡом – лҳәеит аԥҳа.
424. Ҿыц аҭаацәара иаланагалаз арԥыс иҩны данааи,
аҭаца ихәы лырмазеин, лыԥшәма дизыԥшын. Азнаашә
кәҷыжь шеибгаз иӡны аишәа иқәын. Аԥшәма дааигәыр
ӷьан акәҷыжь дафҩит. Уԥынҵахь иузаагом, афҩы бааԥсын.
– Ари иаӷрабҵазеи бара, уамак ала афҩы цәгьоуп –
иҳәеит.
– Уи саӷрамԥшӡеит, иаӷраз шаӷраз изӡит – лҳәеит.
425. Аб иԥа ашколахь ицара аамҭа анааи, сыҷкәын
снаилабжьап игәыхәын, «сыҷкәын, аҷкәынра, аӡӷабра,
аԥҳәыси ахаҵеи реизыҟазаашьа азы маҷк ҳаицәажәар
сҭахуп» – иҳәеит.
– Ибзиоуп баба, усазҵаа, нас еилукаарц иуҭаху уасҳәап
– иҳәеит аԥа.
426. Аԥа аҩны дааицыԥхьаӡа, аб дҵаауан:
– Иахьа бзиарас иҟауҵази? – ҳәа.
– Иахьа ҳла ԥсыкаҳәа ҳгәылаԥҳәыс илалышьҭасҵеит.
– Нас, уи бзиарас иалоузи? – дгәааны дҵааит аб.
– Ала лышьҭасымҵар автобус дагхуан, – иҳәеит аԥа.
427. Ԥҳәысҳәара ицаз ҭырқәа арԥызбак ицыз иаб,
аҷкәын ирҽхәара далагеит: «сыҷкәын, арыжәтә ижәуам,
амаца дасуам, аӡәы дахьтәоу ибжьы иргараны дыҟаӡам.
Иааиоуҳәаз ҟаиҵоит, утәа уҳәар дтәоит, угыла уҳәар
дгылоит…
– Убарҭ рҩызцәа аҟазшьа бзиаӡақәа змоу ҩба хԥа
ҳаиуан сара сбораҿгьы иҭагылоуп – иҳәеит аӡӷаб лаб.
Џьевдет Ашәымхәаа иҳәамҭоуп.
428. Аҳмаҭ игәыла диазҵааит:
– Уара, абарҭ згәаҳәԥы гьал-гьалуа, змаҟа ҿаҳәара аҟын
ӡа илеиуа аҳәса угәаԥхома? – ҳәа.
– Сзынарҿаԥшуам, сгәы умырхынҳәын – иҳәеит Аҳмаҭ.
– Аеи, зтәарҭа шәпоу аҳәса ушбарыхәаԥшуа?
– Урҭ еиҳагьы еицәоуп.
– Нас абри сыԥҳәыс дзахҭоуки, наҟ улҟәымҵуа, – иҳәеит
Аҳмаҭ.
429. Шәарыцаҩ мцҳәаҩык шәарах анимоу, игәылара
адәқьан аҿы днеин, ирҭиуаз жьак аахәаны аҩны дааит.
«Уара, ари цәа ахаӡамеи, ас иҟаз шбоушьи?» – ҳәа иԥшәма
даниазҵаа,
– Жьабаӷьки иареи абнаҿы ишеиҽырбоз ианызба,
аҽеилаҳәаха иахьымгӡаӡакәа ашәақь аагәдсҵан, исшьит
– иҳәеит.
430. – Африка шәарыцара саныҟаз 15 бжьас сшьит –
иҳәеит зыԥсы ҭоу бжьаскгьы зымбацыз Ниҳаҭ Абрскьыл.
– Саб, ҵыԥх 10 уҳәон, сынтәа 15 шбаҟала? – дҵааит
иҷкәын
– Ҵыԥх, уара ухәыҷын, ушәар ҳәа сшәан жәаба рҟынӡа
иласырҟәит рыхԥхьаӡара – иҳәеит Ниҳаҭ.
431. Ҩыџьа ахацәа, аԥсуаки шаԥсыӷки шәарыцара
ицеит. Ашәарах рыббы-рыԥша амкрацы жәык ацәа
рхарԥаны аӡага иазнеиуан. Ашәақь зкыз аԥхьа игылаз
аԥсуа иакәын. Ишнеиуаз, аӡага ианазааигәаха, ашаԥсыӷ
дыҳәҳәеит.
– Ирласны иукыу ашәақь сыҭа! – ҳәа
– Иубази, бӷабума, қәасабума? – ибжьы ӡаны дҵааит
аԥсуа.
– Абӷаб закәузи, цәаӷьык ҳашьҭоуп, иҳахьӡар хырза
ман ҳақәнаршәуеит, – иҳәеит ашаԥсыӷ.
432. – Абри, Африка сшышәарыцуоз исшьит, – ҳәа ам
шын мшәы шкәакәа дук ацәа игәылацәа идирбуан, Ниҳаҭ
Абрскьыл. Африка агыгшәыг бзианы издыруаз Нарҭ Кьаҿ
иамеикит. «Уара, Африка амшә амаӡам, ари мшын мшәуп,
– иҳәеит.
– Уара, ари мшәуп, Африка Азиа ҳәа атәылақәа акрады
руама, ишнеиуоз сара сақәшәан, исшьит – иҳәеит Ниҳаҭ.
433. Аԥхын ашора, амца анкатәаз камбашь дук ам
шын аҽанаҭан қьафура аманы аҽыкәабара иаҿуп. Зны
хәӡаарцәы ҟаҵаны аӡы ихәыҵалуеит, зны иҭабылгьуеит.
Ҳәынаԥык аҟәара, аԥслымӡра илахәмаруаз, абжьы
аргеит.
– Амшын уанҭыҵлаак сара сҟынӡа узааиуоу? – ҳәа.
– Изакәызи, иуҭахузи? – иҵааит акамбашь.
– Сымшын ҭалага сеиқәа збом, уҩашьаны уара иушьоу
ҵазар, суазҵаап ҳәа акәын, – аҳәеит аҳәынаԥ.
434. Шәарыцаҩык ажәабжьык иҩызцәа ирзеиҭеиҳәеит:
Мҩакы сшықәыз, уҭрак аҿы ахаан изымбацыз ҟабақк збе
ит. Уи аамҭазы амахҽ чалындар иасуан, махҽк ааин абни
аҟабак инацҳа-аацҳан, икылжәаны уахь инҭалеит. Ус еи
цыз амахҽқәа зегьы аҟабақ инҭалан, ршьапқәа ааиҵыхн
рыԥсы ршьон.
– Саргьы мҩак сшықәыз ақәабҟаҵарҭа ҟазарҭак аҿы
снанагеит. Быжьҩык рыбжьқәа еинымҩа, ақәаб аҩнуҵҟа
иҭаланы аусура иаҿын, – иҳәеит иӡырҩуаз Муса.
– Уи аҩыза ақәаб ду ҟалашьа амам – иҳәеит иӡырҩуаз
аҽаӡәы.
– Ишбаҟамлуа, ани амахҽқәа зҭаӡоз аҟабақ жәтәхар,
иалаҳамжәои иҳәеит аԥсыуак дахьтәаз.
баша цәажәаран изҿыз. Кьаҿгьы «дзықәшәахьаз» акы
аацәыригеит.
– Абна сылаланы сышнеиуаз, ицхлымуа мышә хырза
манки сареи хаха ҳааиҿаҳаит. Аихсра сахьӡуамызт, сыҩит.
Абар исыхьӡарацы, сакрацы акгьы агӡамкәа, амшә
лықәҵәраан, икаҳаит.
Ус саргьы сыԥсы ааиқәсырхеит…
– Сара сакәызҭгьы, сеиқәа азна ҟасҵахьазаарын –
иҳәеит иӡырҩуаз аӡәы.
– Нас, ани исышьҭаз амшә изыӷраԥаланы иқәҵәраази
зыугәыхози – иҳәеит Кьаҿ.
436. Каисери ақалақь инацәыхараны Казанчик ақы
ҭаҿы 51 ҭӡы нхуеит, 50 аԥсуаауп, 1 лазуп. Алазқәа ам
гьали аџьымшьи рбеит, қьафуроуп дара рзы. Зны, абри
алаз заҵәы иааиқәшәан дыԥсит. Ари заҳаны иааиз иа
шьак, лазк, иԥсыз еишәа амгьал аџьымшьы ықәны иа
ниба, «уара, абри амгьал иман, иџьымшьы ыҟан, анцәа
ишиҳәара дынхуан, нас исзеилкаауам, дызԥси?» – иҳәеит.
437. Анкьа арыцҳара аныҟаз, Ҳаразиа Ныҳә ҳәа аӡәы
Диузџьеи Адапазари рыбжьара адәыӷба аангыларҭаҿ
абилеҭ иҭиуан. Аҵара имаӡамызт Ныҳә. Гәаҟ цәагьарыла
«Адана» аҩышьа иҵеит. Қьаад кәамҟьак Адана ҳәа
инанҵаны амҳәыр нааирхуан, абилеҭгьы уи акәын. Лазк
дааин Конианӡа билеҭк иҳәеит. Кониа аҩышьа Ныҳә
издырӡом. Иҟаиҵуеи?
– Уара, ахьы ҭоума убри Кониа, Аданаҟа умцуа, – иҳәеит
Ныҳә.
Ашәымхәаа Џьевдет иҳәамҭоуп.
435. Ашәарыцацәа-амцҳәацәа еизаны рыбыз иаа
суа, ахаан баӷырк зымшьыцызгьы раҳаҭақәа хыртланы
438. Ҳаразиа Ныҳә зны мшәык ишьын, амшәцәа сҭи
уеит ҳәа иманы аџьармыкь аҿы дахьнеиз, аполициа длы
шьҭагәа дыркит. Амшә ашьра ҟалаӡомызт. Дрыманы аи
ҳабы иҿы ицеит. Иусқәа цәгьахошәа аниба «Уара, абри
амшә сықәнахит, сара сымхы афит, амшә шәара шәакәзар
изтәу, сымхы ахә сышәҭа усҟан – иҳәеит Ныҳә.
Ашәымхәаа Џьевдет иҳәамҭоуп.
439. Ацәгьара ҟауҵеит рҳәан курдк иус ӡбаны ашьра
иқәырҵеит. Дыкнашәҳәа, иҳәеит ахылаԥшҩы.
– Уара уи дыкнауҳаратәы цәгьара ҟаимҵеит, баша,
уҳәан, сҳәанк иқәԥҽит ауп – иҳәеит абахҭа аиҳабы.
– Нас, ус анакәха ихы хышәҵәа! – ирыдиҵеит ахылаԥшҩы.
440. Хәаџьак Сивас аџьаама амаҵ иуан, ихымҩаԥгашьа
ргәамԥхазт, ақыҭауаа дықәырцеит, аҽа қыҭак ахь дце
ит. Аамҭа акыр цеит. Сивастәики иареи еиқәшәан, убра
саныҟаз изуыз, исҳәаз, ԥҳәыск лҿы сышнеиуаз, лареи са
реи ҳшеибаргәыбзыӷоз ҳәа ажәабжьқәа еиҳәуан.
– Саргьы дыздыроит уи аԥҳәыс. Лцәа лтәымкәа дыҟан,
ҽадак лхылҵит, уажә ақыҭа уаа рлаба рҽанҵаны убри
аҽада аб иԥшаара иаҿуп, – иҳәеит Сивастәи.
441. Аԥсыуа хаҵак Сҭампылынтә Каисериҟа дааит.
Игәылацәа еизан, иуфаз уара иутәуп, иубаз ҳаҳәа – рҳәеит.
– Уара уа, Сҭампыл ҳәа иахьаҿу аӡынра зеиԥшроузи? –
ҳәа Каисеритәик дҵааит.
– Анцәа иныс, анцәа, 11 мзи 30 мши аӡынра сазыԥшын,
ахабар ҳәа акы зымбеит, сара сышьҭахь иаазар сыздырам
– иҳәеит.
– Имазарақәа наҟ иҿышәх, дшәырхә, иҳәеит аӷьычцәа
реиҳабы.
– Анцәа ду дшаҳаҭуп, сара смазарақәа Ванаа ишыр
цәызымӷьычыз, иҳәеит алаз.
443. Қапԥҳа аԥҳәысеиба лгәылацәа ааизан, «быҷкәын
дӷьычуеит, ҳуҭра нымхеит, ҳбаҳча нымхеит» – рҳәеит.
Қапԥҳа лхы ҩышьҭылхын, «шәиҟәаҵ рыцҳа, акәтаӷь цәа
дагәылхны гәаҟрыла дсааӡеит, ихы ныҟәигоит, сара иан
гьы мла саирком», – лҳәеит.
444. Болу ҿыц амҩаҿы асветофор кнарҳан, аҟаԥшь ана
клаак шьапыла уаҩ дшиамсра иасыршьцылоит ҳәа мили
ционеркгьы дгылоуп. Ишааиуаз алашара ҟаԥшь шакыз,
ԥҳәыск лхәаҷы дылгәыдкыланы амҩа еихылҵәеит.
– Бабацои, аҟаԥшь шарку бымбаӡои? – ҳәа аԥҳәыс
длықәцәҟьеит, амилиционер.
– Сара сацала лахь сцоит, уара иузалоузи уи? – лҳәеит.
445. Ҩыџьа алазқәа ааилашәшәуаны Босфор агаҿа иа
валаны ишааиуаз, аимак роут. Амза ҭәны иӡсо ажәҩан иа
лан. «Абни мроуп хыхь икыду» – иҳәеит аруаӡә. «Мамоу,
мзоуп!» – иҳәеит егьи алаз. Ишеимаркуаз аԥсыуак даа
рыдгылеит. «Анцәа уишазар, абри ҳаимак еилырга, абни
хыхь икыду мроу, мзоу?» – ҳәа иазҵааит.
– Сара араатәӡам, ани хыхьтәи изырлашо ахьыӡ сыз
дырӡом, – иҳәеит.
442. Зны лазк Ванынтә дӷьычны дшаауаз иара еицәаз
шьоукы имҩа ааркын, ииӷьычыз зегьы ааимырхит.
446. Курдк дԥызҟаз аԥсуа докторк иҿы дааин:
– Уара санԥуҟоз, умаҭәарқәа рҟнытә мыркатылк сыҩ
нуҵҟа иухашҭит, ԥсыхәак суҭароуп, – иҳәеит.
– Уара, уи уамак акәым, ҳамҭас сара сҟнытә иумаз –
иҳәеит аԥсуа.
447. Араԥк акьатеилашә иман, дԥырҟан, аҩныҟа дцеит
рымҳәацкәа, деиҭааит ахәшәтәырҭахь.
– Иҟалази, уахьныҟәоз ухәра акыр иаԥырхагахама? –
рҳәан,
– Мамоу, уахь схазынахәха сыҟоуп, аха сыхәра рахәыц
шкәакәала иахьыжәӡахьыз сгәы еихьнашьоит, – иҳәеит.
448. – Уара, уԥшәма илҳәуа уанлықәшаҳаҭым ҟалахьоу
зныкыр? – ҳәа Али иҩыза Вели длазҵааит.
– Маҷхәума, егьараан сызқәшаҳаҭым далацәажәоит, –
иҳәеит.
– Нас иахылҳәаауази, шәеимак аҭыӡшәа алымҵӡои?
– Мап, акымзаракгьы алҵӡом, иласҳәаӡомеи сышлықә
шаҳаҭым – иҳәеит Вели.
450. 100 шықәса ирҭысхьаз быргк иҭаацәа иуасиаҭ ҩны
ирзынижьуан: «Санԥслаак сара смазара...» нас аԥхьа иҩыз
ааиҵәӷәан, «имԥсуа уаҩы дыҟам, мышкы зны сыԥсыр
ҳәа» иуасиаҭ дналагеит.
451. Уара абри ҳгәыла ила алышьқьынҭра иазшахааит.
Иааҟәымҵӡакәа ашра иаҿуп, иахьыз ҳәа акрыудыруа
зар, ҳәа аб Аҳмаҭ иҷкәын Мемеҭ диазҵааит.
– Уи аԥшәмацәа ԥсшьара иахьцоз ирымгазт игәхьаа
нагозар акәхап, аҭак ҟаиҵеит Мемеҭ.
– Уи шба? уамашәа ибеит Аҳмаҭ.
– Амашьына аԥсҟы зкуаз аԥшәма ԥҳәыс шлакәыз еил
накаан, ацара мап ацәнакит, иҳәеит Мемеҭ.
452. Зхәымџьар кәадаз ԥҳәысеибак ахацәа мыцхәы
илыҿцаацәон. Зны еиҿаҳаз ҩыџьа ахацәа адуель аҿынӡа
инеит. Ианеиҿахыс ргәы ҭҟьаны рыԥсы цаны рҩыџьагьы
каҳаит.
– Сыхаара уара уааи, арҭ рҩыџьагьы ԥсит ҳәа адырра
ҟалҵеит ахҩыктәи иахь.
449. Уара уи сыҩны дыҩнанагалеижьҭеи ҭыӡшәа сы
гым. Уама сақәшәеит уара лҿы укыр лыбыз узкуам,
иҟасҵуа сзымдыруа адәы сықәхеит… ҳәа. Чагә игәыла
Кәыгә димҵашшуан.
– Уара аиарҭаҿы дышбаҟоу? ҳәа дҵааит Кәыгә.
– Уахынла уаҩы ҳанимбо дучҳаратәы дыҟоуп, аха ҽынла.
– Уара дуҭахыцәҟьамзар, уаалаганы дышьшьы, укәа
дҭаҵа уаха шаанӡа уааҟәымҵӡакәа лымаҵ ула, ҩба –хԥа
мчыбжьы роуп нас даалгоит, дыԥсоит иҳәеит Кәыгә. Ҩба
ҟа мчыбжьы рышьҭахь Кәыгә иҟоу назбап иҳәан Чагә
иҿы дааит. Чагә иԥҳәыс акы агымкәа рхәы ҟалҵан, ама
ҵурҭаҿы лыбжьы ныҵакны ашәакгьы лҳәон.
– Уара жәаха ҳаицәажәеишьҭеи шәышбаҟоу? дҵааит
Кәыгә.
– Ҳааиуеит ус, лашәабжьы уаҳуеит, мчыбжьык ашьҭахь
дышԥсуа лдыруандаз лҵәыуа бжьы акәын усҟан иуаҳуаз
иҳәеит Чагә.
453. Аҭырқәцәа хаҵагьы ԥҳәысгьы ала ныҟәгара бзиа
ирбоит. Уи ҩызара рызуа иахьцалаакгьы ирыцуп. Зны
хаҵак ила аимпыҵҟьан, аимаарыцқьаҩ ишәымкьат ина
дгылан, ашьапы ҩышьҭнахит. Аимаарыцқьаҩ арҵәаа ҳәа
даҵаҳәҳәеит, еимаа агәыдиҵеит.
Ала зтәыз игәы иалырсны, иҟауҵуа закәызи иҳәеит.
– Сшәымкьаҭ иадчхәырлуан иумбаӡои, иҳәеит.
– Уара уи ашьапы арыцқьар аҭахызаргьы иаумраӡеитеи,
иҳәеит ала зтәыз.
454. Адахәҭар ԥҳәыс ачымазаҩ ихарԥ ишәылхын,
ллымҳа ачымазаҩ игәы инадылкылан: – Инарҵауланы
уԥсыԥ лбаадеи, – лҳәеит, нас илбаауадаз аԥсыԥ адәахьы
идәықәҵеи, – лҳәеит. Зегьы ҟаиҵеит.
– Иҵауланы уԥсыԥ анылаугаҩаугуаз иуаҳази?
– Быхцәы афҩы хаа, иҳәеит ачымазаҩ.
455. 90 шықәса ирҭагылаз ԥҳәыск алашьцара иалакны
ауахәамахь дцеит.
– Сыгәнаҳарақәа схыҳ, сгәы рҭынчны сынарцә мҩа
сықәлар сҭахуп лҳәеит, апап лхы иқәкны.
– Агәнаҳа анбаҟабҵеи, дҵааит апап.
– Абар шьҭа 70 шықәса ҵуеит лҳәеит аԥҳәыс.
Нас уажәы изыбгәалашәози агәнаҳа иҟабҵоз?
Иансгәалашәуа ихааӡа сгәы иқәуп, лҳәеит аԥҳәыс.
456. Ваҳтет Кәыҿба аԥышәа змаз, насгьы пату зқәыз
пилотын. Ҽнак зны дшыԥруаз, аироплан камҳар ҟамлуа
иҟалеит. Вахтет ипарашут изқәыиҵаны аҳаирплан иҭаз
даарылагалан, аҳаҳаи гәкаҳарак ҟашәымҵан, сара аи
роплан аиқәырхаразы ацхыраара сыԥшаарацы сыԥоит,
иҳәеит.
ҭырқәакгьы акитаецәа дрыларҩашьаны дыдрыцқьеит.
Ари здыруаз лгәыла ԥҳәыс длымҵашшуан иԥҳәыс, сдухар
ҳәа сшәоит ҳәа.
– Бара бхаҵа дырхәа дрыцқьа Китаинтә даарышьҭит
ҳәа акәымзи издыруаз анылҳәа,
– Уи усоуп аха сара аԥсҭазаара аҵыхәа ԥысҵәаз
џьыбшьоу лҳәеит, зхаҵа ддырхәаз аԥҳәыс.
459. Аԥсуа хаҵак Измит ачаижәырҭаҿы ачаи рзи
шуан. Ачаи жәырҭа анакәха, ара аҽа рыжәтәк ҟалар ҟа
лаӡом, насгьы ара еиқәшәоз адинуаа ракәын аиҳарак. Ус
ишааиуаз ари ҳауаҩ ачаиаҿы ихашәалуаз азимырхазт,
маӡала аҩы, ауаҭка, ауараш уҳәа ааганы иҭиуа далагеит.
Ари ижәлантәқәа Аҩӡаа игәныргеит, ишбыкәу ҳажәла
ацәа шԥиҽуа, ма иуыс нижьроуп, ма агәнаҳа ҟаҵара
даҟәыҵроуп, рҳәеит. Иаргьы хьи ззымдырӡоз ҟьамама
жәаҩык иакәын иарҳәоз акы имаҳаит.
Дҳалҳцап, уи ала ҳажәлагьы ҳрыцқьап ҳәа иақәырҵеит.
Аиҳабаӡа дахьтәаз, уара уи шәара ижәӡбаз зегьы реиҳа
имариаӡоу акоуп, даҽа мҩак шыԥшаа; Егьа дыцәгьазаргьы

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 09
- Büleklär
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3510Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3532Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3604Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3579Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3554Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3489Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3589Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23990.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3599Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуаа рҳәамҭақәа - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1131Unikal süzlärneñ gomumi sanı 7510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.