LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аԥсуа поезиа - 5
Süzlärneñ gomumi sanı 3190
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2118
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Адунеи абызшәа.
Адунеигьы изаҵо
Сара сбызшәа.
Сара сиит Аԥсны,
Аԥсыуак иҩны.
Адунеи саԥаны
Сҟалароуп сыҩны!
АХАҲӘ ААМЫСҬАШӘА
Иахьарнахыс еиҳа ҳаҭыр уқәысҵоит
Ахаҳә аамысҭашәа – издыскылаз сыԥсы.
Сыҷкәын дахьышьҭоу ихаӡгылара удысҵоит,
Уи дамеигӡаӡеит уара узыҳәангьы иԥсы...
Иахьа сара сҟыбаҩ, сгәыбылра уласҵеит,
Уизгыларц сарԥыс-еибашьҩы баҟас.
Ихәыцрақәа уыҭан амҩа уқәысҵеит –
Шәыԥсҭазаарак ирызхоит,
Урҭ ԥсыс иухаз!
Сарион Ҭаркьыл
1936–2005
***
Шьхала имҩсуеит аԥҭақәа,
Шьхала имацәысуеит зынгьы.
Аӡын ааиуеит иҳазгәамҭакәа,
Ҳшазыԥшым зынӡагьы.
Иԥшасуа, иқәасуа ишыҟоу,
Иаалырҟьан, ҽнак шарԥазы,
Ҳанындәылҵлак адәныҟа,
Иаабоит ишкәакәаӡа асы.
Ажәҩан хыхьынтә асы алагоит,
Адгьыл ҵаҟантәи иԥшуп,
Аамҭа шкәакәа абас иалагоит:
Зегь шкәакәала ишәуп.
Иаҳҳәоит: «Ҽаанбзиала!
Асы еиԥш, ҳанасыԥ лашаз,
Асы еиԥш, ҳагәқәагьы цқьаз,
Ҳнеиааит ҽаангьы бзиала!»
Нас уи асы кәаҳаны,
Ҳабжьгьы адунеи иарҳаны,
Ԥхьаҟатәи ҳааԥын хазцоит,
Зегьгьы
Ҳгәахәтәы хахьӡоит.
Баша ҳусқәагьы бжьаӡуам,
Ҳазну амҩагьы ласуп.
Макьана ашьха иҟоуп аӡын,
Макьана ашьха иҟоуп асы...
СЫԤСАДГЬЫЛ
Сылашара сыԥсадгьыл,
Абас улахь зеиқәузеи?
Д. Гәлиа, 1920
Улахь зеиқәузеи, Аԥсны?
Уҵарадам иахьа, ухәыдам,
Уҵеицәагьы иахьа ихыдам,
Рыҩны иҟоуп, уара уҟны.
Улахь зеиқәузеи, Аԥсны?
Наҟ иагазгьы арахь иаауеит,
Амҩа иашьҭоуп, иԥшаауеит,
Амҩагь иқәлоит иласны.
Иаадыруеит,
Сара избоит:
О, хьаак анумам ыҟаӡам,
Умшәа-умырҳа узныҟәаӡом,
Зегьы ҳзыҳәан
Уара ушәоит.
Ламыс змаӡам џьоукгьы
Уара уҵәылхра иашьҭоуп,
Аҟәараӷ ркуп, аха иашьҭуам,
Ныхак иашьаҳаит даргьы.
Ҳазшаз ибоит,
Зегь ибоит:
Ҟамак дагоит зҟама ҭызхыз,
Ахы дагоит ашәақь шьҭызхыз,
Шҳамла иҭәугьы шҳамк дагоит.
Ҳамш еилгоит иахьа-уаҵәы,
Аԥҭа еишьылқәа цоит ихыҵны.
Зегь аабазшәа усҟан ԥхыӡны,
Агәра зымгогь дҟалашт аӡәы.
Нас улахь зеиқәузеи, Аԥсны?
ШӘГЫЛ ЗЕГЬЫ!
Ҳадгьыл ҳаԥхьеит, ҳажәҩан ҳаԥхьеит:
«Аԥсны аҵеицәа, шәгыл зегьы!»
Иахьа инҳажьыз – уаҵәы иҳагхоит,
Аган шәавамхан аӡәгьы!
Иахьоуп данубо ихаҵаз,
Иахьоуп ианыӡбахо зегьы –
Иахьа зҽызӡаз, иахьа ихьаҵыз,
Дыԥсит, уи дыҟам зынӡагьы!
Аԥсны аҵеицәа, Аԥсны аҵеицәа,
Аԥсны зықәгәыӷуа шәара шәоуп!
Шәаамҭа ааит, шәгыл аӷьеҩцәа!
Шәаамҭа ааит, уи – уажәоуп!
Шәнеибац, шәнеибац, шәнеибац,
Аԥсны бзиа избо зегьы,
Ахақәиҭра мра кацеиларц
Аԥсынтәылан есқьынгьы!
Мап, ахьаҵра залшом уаҳа –
Шәышьҭахь иҟоуп шәаб ишәхымс!
Ибоит Анцәа, ишәыдлом гәнаҳак –
Шәхыс! Икылкаан шәхыс!
О, ҳаиӷацәазар – ҳаиӷацәоуп,
Нас ҳаилгап иахьа нахыс.
Иаҳнырҵаз ахәрақәа рацәоуп –
Урҭ рзынгьы шәхыс!
Шәхыс – Аԥсынтәыла ахьӡала
Иҭахаз зегьы ршьа ауразы!
Шәхыс – ахақәиҭра ахьӡала,
Шәхәыҷқәа уаҵәтәи рԥеиԥш азы!
Шәнеибац, шәнеибац, Аԥсны аҵеицәа,
Аԥсны зықәгәыӷуа шәара шәоуп!
Шәаамҭа ааит, шәгыл аӷьеҩцәа!
Шәаамҭа ааит, уи – уажәоуп!
Заур Кәарҷиа
1936–2008
АӠЫХЬ
Амитә аџьабаа баны,
Арахәыц еиԥш ипаны,
Ичҳауа аҭакар, аҷыхь,
Адгьыл иалҵәраа иааит аӡыхь.
Алаӷырӡ еиԥш ицқьаны,
Излыс, излиааз цаҟьаны,
Аха абжьы аргаӡом,
Ихыш-хыҵәогь иубаӡом.
Амра ԥхеит ҳәа иҭабаӡом,
Амш цәгьоуп ҳәа ихәашьӡом.
Уи зегь рыла аԥсы ԥшьоуп,
Иацлом, иагхом – иаҟазшьоуп.
АШӘА
Уа, лахҿыхроуп ашәа ахьыҟоу,
Уи наџьнатәгьы иаҳәо мцым.
Ашәа еиӷьу иарбан иҟоу,
Изыԥсоузеи ашәа зцым.
Ушьа-уда иҭысны ԥхьаҟа иухоит,
Ашәа иунаҭоит амч-алша.
Ахәра гәаҟраҿ ашәа ухәоит,
Ашәа, идууп ахыԥша!
Ашәа ҳәо, аҟәҟәаҳәа ихысуа,
Нарҭаа дуқәагь анкьа зны,
Ҭынч ашьшьыҳәа, еихьыс-еиԥысуа,
Ртәыла иалалон – Аԥсны.
Хьыӡрацара ианцоз акәзаргь,
Иара усҟангь ашәа рҳәон.
Урҭ ирызку ажәабжь – лакәзаргь,
Урҭ ирхырҳәааз ашәа нхон!..
***
Амҩа сықәуп,
Кыр сыԥхықәуп,
Инасыԥуп –
Ааԥынра ааит;
Амра аацәырҵит,
Ашәҭқәа гәылҵит,
Аԥсҭҳәа хыҵит –
Ааԥынра ааит.
Хәык сынхыҵит,
Ԥшак насхьысит,
Иаахәыҭ-хәыҭит…
Ааԥынра ааит.
Аԥсаатә ҷырҷырит,
Урҭгьы ирдырит,
Зегь еицгәырӷьеит –
Ааԥынра ааит.
Ԥхьаҟа ак сыхеит,
Сгәы ак ҭыхеит.
Адгьыл ҿыхеит –
Ааԥынра ааит!
Терент Ҷаниа
1937
АНЦӘА ИАЛИХЫЗ АԤСНЫ
Агеи ашьхақәеи рыбжьара,
Баҳча ссирла иқәҵаны,
Адгьыл лакәқәа риаҵәараҿ
Анцәа иалихит Аԥсны.
Ари аԥхын еиԥш иҟәандоуп
Ҳнапы разқәа реибаркыра.
Дарбан ари ажәа зҳәамҭоу,
Хьӡыс иузҭаз Аԥсынтәыла?
Амра ашҭаҿ илашароуп,
Иаҵәахызаргь аԥҭа зны.
Ҳа ҳазхылҵыз дара ршьалоуп
Ахы ишақәиҭхаз Аԥсны.
Ари аԥхын еиԥш иҟәандоуп
Ҳнапы разқәа реибаркыра.
Дарбан ари ажәа зҳәамҭоу,
Хьӡыс иузҭаз Аԥсынтәыла?
Агеи ашьхақәеи рыбжьара,
Ажәҩан алахь ус анын:
Иҟаз аԥсуа илашара, –
Анцәа иалихыз Аԥсны!
Ари аԥхын еиԥш иҟәандоуп
Ҳнапы разқәа реибаркыра.
Дарбан ари ажәа зҳәамҭоу,
Хьӡыс иузҭаз Аԥсынтәыла?
ДЦОН АԤҲӘЫЗБА ԤШЫХӘРА
Адгьыл хәын, ишәын ашьацра,
Ажәҩан абла еиқәаҵәан.
Ԥҳәызбак ԥшыхәра дцон ашамҭаз,
Ларԥыс диашьапкуан Анцәа:
Уаҭәҳәа уи сымза-сцәашьы,
Аҵхгьы, иҵегь ушәшьы!
Сбыҳәоит, бахыԥа аԥсра,
Срыцҳабшьозар сара!
Аҵх цәҟьан, ишын ахымҩас,
Ҳгәыӷра шәытак аннаҵон.
Ажәҩан акәын гәыӷрас имаз, –
Адгьыл ҟьаҟьа уи дакӡом.
Уаҭәҳәа уи сымза-сцәашьы,
Аҵыхгьы, иҵегь ушәшьы!
Сбыҳәоит бахыԥа аԥсра,
Срыцҳабшьозар сара!
Уи дҭахеит аӷа дынкылан,
Ажәҩан иалшәеит ҽа еҵәак.
Зегь аками хәылԥазыла,
Арԥыс диашьапкуеит Анцәа:
Уаҭәҳәа уи сымза-сцәашьы,
Аҵыхгьы, иҵегь ушәшьы!
Сбыҳәоит бахыԥа аԥсра,
Срыцҳабшьозар сара!
Ибла хәуп, игәы ҭаҷаҷоуп,
Ацәа далҵуеит дцәырҳаны.
Усҟан дшибац еиԥш деихаччо,
Ажәҩан дкыдуп диеҵәаны...
Уаҭәҳәа уи сымза-сцәашьы,
Ажәҩангьы, иҵегь ушәшьы!
Сбыҳәоит бахыԥа аԥсра,
Срыцҳабшьозар сара!
***
Иаашанхазшәа знык ақыҭа,
Шарԥазынгьы ацәа иалан.
Анапы ҭшьуа алакыҵа,
Иааиуан ҭынч ашара хиаалан.
Кәҷышьк акалаҭ иаҵахазшәа,
Иаакьу-сыуит амацара.
Мрагылара сцәыԥхашьазшәа,
Иазцәыргомызт абла хаара.
Ажьымжәақәа еиҟәыншәылан,
Ихьанҭаӡа хыхь икнаҳауп.
Уԥсы цәгьамзаргьы, џьым, ашәыраз.
Икныумхыр, ных, игәнаҳауп.
Аҵәа ҟаԥшь – акәиц иацәызго,
Амахәҭаҿы ажәҩан иалан:
Аҳ ичараҿ иеихс иҿызхуа,
Иӡӷаб дииҭоит инапала...
Иааԥшит амра. Абла хәыцқәа
Ажәҩан аҵа ду қәырҵеит.
Аҵла еимала са сазхәыцуан –
Бӷьыцк ампыҵшәан, икашәеит.
Џьума Аҳәба
1937
ААԤЫН
Аӡын хьшәашәа, имццакӡоз,
Ицеит аҽаршәшәан.
Аԥсаа рашәабжь, имгаӡоз,
Ихдыртлеит шьжьымҭан.
Ааԥын ааира еигәырӷьо,
Анаҟә аахылт.
Ԥсатала адгьыл ырԥсаҳәо,
Аҽыларҟә ихчылт.
Аԥша ҟәанда наҵаҵо,
Ашәаԥыџьаԥ арҵысуан,
Иахьагхаз иԥхашьа-ԥхаҵо,
Амрагьы ццакуан.
Адгьыл ахьҭа алнахырц,
Ашәахәақәа цәырҵт.
Ажәҩан аҵа инаҵаӡырц,
Анаҟә наҟ инхыҵт.
Ашьац ԥшқа қақаӡа,
Иҩеиуеит иҟато.
Аӡаӡа раӡынԥсараӡа,
Икаҭәоит иахьыкәкәо.
Ицәҳәыз амахә хахаӡа,
Апатҟәырқәа птит.
Ашәҭ абла шашаӡа,
Агәы ԥшқа аанартит.
ГӘАДУРАС ИУМАЗ
Уаԥсуазар, уҟаз ԥсуаҵас,
Аԥсуа ҵасқәа ныҟәгала.
Узааӡаз уан лгәыԥҳәыхшҵас,
Убызшәа ҳаҭыр ақәҵала.
Утәыла амцаԥшь ықәҵаны,
Уқәыхра иашьҭаз ҽышәала,
Уабацәа, ианкарцоз иқәцаны,
«Аԥсадгьыл!» – рҳәон ԥсышәала.
Рабиԥара мҩашьарц рынахыс,
Аԥсуа хьыӡқәа рыхьӡырҵон.
Даԥсуазаргь, аԥсуара данынахыс,
Ижәла ихыхны дықәырцон.
Ҳәаак аиушам инарха
Жәлар рхақәиҭра иадгылаз,
Аԥсуара зхы ақәызҵоз Инаԥҳа,
Ашьа казҭәоз зыԥсадгьылаз.
Ацсуа намыс ԥхьацаганы,
Измоу иқәуп еиҵамхара.
Инхеит аӷа изы игәыҭҟьаганы,
Аԥсуа Кьахьба ихаҵара.
Гәлиа, хеигӡара ззымдырӡоз,
Ҳаԥсуара дашьаҭоуп.
Коӷониа ибжьы хаа ԥымҵәаӡо.
Ажәлар ишрылац ирылаӡоуп.
Аҷанба, зажәахә камшәаӡо,
Аԥсуараз дыхьӡырҳәагами.
Лашәриа, игәеисра еиқәымтәаӡо,
Ҳпоезиа дааԥынны далами.
Нас арҭ ирҳәоз аԥсшәа,
Иахьа иҟәнызшьа дарбану?!
Агәаҟраҿ иԥышәоу абызшәа,
Изалшом ақәра аманы!
Иҽеим ҵасқәак уԥылозар,
Аԥсуара иатәны, уацәымшәакәа,
Ԥхьа рцараҿ ужәлар ирмыхәозар,
Ирылблаа, икажь уамеигӡакәа.
Аха аҵас бзиақәа, инымҵәаӡо
Реихаҳара уашьҭаӡаз.
Аҵас ауп амилаҭра зырԥшӡо,
Умилаҭра гәадурас иумаӡаз!
Убызшәа ҩашьартә ианыхәашьха,
Уаӷа изы гәырԥсақәшәароуп,
Уабацәа имырӡкәа ианеиқәдырха,
Уара иазҳарц уцлаблароуп.
Уаԥсуазар, уҟаз ԥсуаҵас,
Аԥсуа ҵасқәа ныҟәгала,
Узааӡаз уан лгәыԥҳәыхшҵас,
Убызшәа ҳаҭыр ақәҵала!
АШЬАУАРДЫНҚӘА
(М. Ҷкату итемала)
Ашьауардынқәа, ашьауардынқәа,
Кавказ ԥхьарҭас измаӡоу,
Аԥсадгьыл ахьчараз санықәуа,
Шәфырхаҵашьоуп сгәы иҭаӡоу.
Ашьха ԥҳәызба шәа шәанылбо,
Ишәзылкуеит лашәа игәыкӡоу.
Аҭаҳмада шәара шәанибо,
Игәнигоит иҷкәынра ицахьоу.
Ахақәиҭраз уи данықәԥоз,
Дызҵашьыцуаз шәара шәоуп.
Ирашь раԥхьаӡа данақәтәоз,
Издикылоз шәара шәоуп.
Ашьауардынқәа, ашьауардынқәа,
Кавказ аныс, абыс измоу,
Избоит, еиҵых шәымҵәыжәҩа дуқәа,
Шәызхаԥыруа ахра заҟароу.
Ахы шәықәшәан адгьыл шәықәтәар,
Шәҵас ала хьымӡӷыс ишьоуп.
Шәзыцәнымхо ахымҩас шәықәшәар,
Ихаҵароу – шәшыԥыруа аԥсроуп.
Ашьауардынқәа, ашьауардынқәа,
Ахақәиҭра ԥсыс изхоу,
Аԥсадгьыл ахьчараз санықәуа,
Шәфырхаҵашьоуп сгәы иҭаӡоу!
Мушьни Лашәриа
1938
ИАҾУП АЖЬҬААРА АԤСЫНРА
Иаҿуп ажьҭаара Аԥсынра,
Ажь иаԥсадгьылуп ара.
Адгьыл, амра ашәахәа –
Шәышықәса андырҵуеит аӡахәа.
Рдәыноуп аҵлаҿ ажьымжәа,
Амахә хьыдышьшьит амжәа,
Ал ду сылаԥш ахьӡаӡом,
Ишааԥсазгьы аӡаӡом.
... Амҵәышә, аҵлахь уццакы,
Ухаԥыц амахәҭа иаркы!
Ашаха, жәҩан ахь унаӡа,
Иахьа хыҵлакы урыхьӡа!
Акалаҭгьы ухьанҭаха,
Ҵыԥхцәатәи аҩы зҭаха
Аԥшәма изааԥсахьоу акыр,
Аҩы уамшьааит, ауалыр!
Адгьыл иҵоу аҳаԥшьа,
Дыссирхеит аҵлаҟны уаҳәшьа:
Лыхцәы шьҭасуеит асаара,
Илҭахуп уа уахь аара...
Игәаӷьы, аԥҳәызба, шьҭа сынтәа,
Арԥыс, аҳардан ҭаҭәа!
Ҵыԥх даҽаџьара иагаз,
Асас, сынтәа ҳа уаҳҭаз!
Иаҿуп ажьҭаара Аԥсынра,
Са сазхәыцуеит аҿара...
Абыӷьқәа цәажәоит: шьҭа даага,
Уҩызцәа, уқәлацәа еизга,
Иануоуа знык ауп аҿара,
Иргәырӷьа, уацныҟәа уара!
Аҳауа иалоуп ажь афҩы,
Аҵла дықәуп анхаҩы,
Аҵла амахәҭа аԥсашьоит,
Иԥоит, аҩада еихоит...
Шә-маӡак азааиуеит са сҿара –
Иаҿуп ажьҭаара Аԥсынра!..
СҬАМПЫЛТӘИ АЏЬАРМЫКЬАҾ
... Длымҭиир – уа длыдыԥсылон,
Длымҭиир – еиҳа еицәан.
Илзыԥшыз зегь лыбла ихгылон:
Амла, ачымазара – нцәан.
Дцәыҵагылан, џьара, акәакьаҿ,
Дааит зегь раԥхьаӡагь шьыжьы,
Уа, Сҭампылтәи аџьармыкьаҿ,
Ирылыҩуан ан лыбжьы:
– Сыҷкәын иоуп, дсааӡеит снапала,
Дал – Аԥсны ԥшӡа агәаны,
Сшәылахәаахәҭуам сара сшьала,
Дысҭиуеит имарианы...
Лԥа заҵә дихәаԥшуан, дуазыруан,
Мап, илбомызт даҽа мҩак,
Даазхәоз тәыс дҟаиҵон, илдыруан,
Аха имоурыз ча-ҿаҵак!..
Аԥа рыцҳа ԥшьаала дгылоуп,
Иан длыхәаԥшуеит ибла ҭраа,
Аԥагь, ан леиԥш, гәаҟрак далоуп,
Уажәы-уажә длазҵаауеит ус уа:
– Сан, бызцәажәои ҭырқә бызшәала,
Арҭ зынӡа аԥсшәа рмаҳаӡои?
Былаӷырӡқәа зцои еиқәҳәала,
Сан, Аԥсныҟа ҳамцаӡои?
– Сыҷкәын иоуп, дсааӡеит снапала,
Дал – Аԥсны ԥшӡа агәаны,
Сшәылахәаахәҭуам сара сшьала,
Дысҭиуеит имарианы!..
– Сан, бызцәажәои ҭырқә бызшәала?
Сан, бызҵәыуеи еимаҭәаны?
– Сшәылахәаахәҭуам сара сшьала,
Дысҭиуеит имарианы!..
... Длымҭиир – уа длыдыԥсылон,
Длымҭиир – еиҳа еицәан.
Илзыԥшыз зегь лыбла ихгылон:
Амла, ачымазара – нцәан.
АСАР РЫМҨА
Асар рымҩа, жәҩан аԥсаса –
Ус ауп саб ишысирба...
Ажәҩан иалҳәа игоуп, еицарса,
Аеҵә гәарҭа рыцәқәырԥа.
Асар рымҩа, схәыцра иуцыз,
Иӡуам ашьҭра, сгәы иҭынҵәо.
Зҵаарак ыҟоуп са сзыргәамҵыз:
Умҩа иахьалаго, иахьынҵәо.
Сдәықәыргалон, уахь исыхон,
Уахь – зегь рымаӡа наскьоуп.
Сара сымҩа сиаанӡа илхын,
Уи аракәашьҭра хароуп! –
Ицоит, ишнеиуа џьара иӡуеит,
Ахабар умбо ишьаҟьоуп...
Зҵаара гәарҭак уа еиццәырҵуеит,
Асар рымҩа иацырҟьоуп!
Еиҭацәырҵуеит: адәы сзықәу,
Адгьыл сзықәу са сшаны.
Аԥсабара аҿаԥхьа исыгу,
Сыҟоу сыҟаму сразны.
Еиҭацәырҵуеит схәыцра иацыз –
Иҟалашам сгәы иҭынҵәо,
Аҭак сауам са сзыргәамҵыз:
Сымҩа иахьалаго, иахьынҵәо.
Ҳакәша-мыкәша, асыҭәҳәа анаҩуа,
Џьара цәымзак ҳа иаҳзакуп!
Амҩа –
Дгьыли-жәҩани рымҩа,
Асар рымҩа! – уҳаракуп!
Еихдоуп, амҩақәа еиларсуп,
Џьанаҭ-џьаҳаным узго...
Ак ҵәатәы шьаҟан иаҳзарсуп –
Ацәгьа-абзиа еилзырго!
Икыдуп, иҟоуп амра шаша,
Ицоит агәнаҳа хыжжны,
Иҟоуп ахәахәа, аиаша –
Исыдсымкылт имарианы!
Сгылан, сгылоуп амра ахькыду,
Снапы рысҭоит аҵх зыршо,
Дгьыли-жәҩани раԥхьа исыду
Мыч ҟамларц изырхәашо!
Адунеи лаша нҵәара ақәым,
Зегь џьара-џьара еиԥшьуп.
Са сыԥсҭазаара-мҩа аракәа
Аамҭа ахы-аҵыхәа иахшьуп.
Асар рымҩа, жәҩан аԥсаса –
Ус ауп саб ишысирба…
Ажәҩан иалҳәа игоуп, еицарса,
Аеҵә гәарҭа рыцәқәырԥа!..
«ҨЫЏЬА ҲАҞОУП АԤСЫНРА!..»
Иԥриҭ арҭ ажәақәа хара,
Имариахеит риира, рҳәара:
«Ҩыџьа ҳаҟоуп Аԥсынра:
Хыхь Баграт, ҵаҟа сара!» –
Иаҿызгеит сажәеинраала зны:
«Иаҿуп ажьҭаара Аԥсынра!..»
Ак ацҵо, ак агырхо, еимданы
Иԥшаа иахьцәыррымго џьара!..
– Абас уҳәама, Мушьни, дад? –
Дсазҵааит чаракаҿ уи зны...
– Исҳәеит, исамхаҳәеит, Баграт,
Сқьафгьы ыҟан уи аҽны!
Каҳуажәырҭак аҿ ауп, џьара,
Ҳаиқәшәеит ҳахьеиқәшәалац еиҭа.
Шаеҵәк дрылыԥхон абра –
Кофҭа шкәакәа лхаҭа! –
Ҳаибарччеит ҳҩыџьагь ҳазхара,
Ихиркәшеит уаҟа иаҵәца кны:
– Иаҳжәып, иҳаԥшьап абра:
Амуза иатәу амуза иатәны!..
– Мап, Баграт, абраҟа сшьы, –
Имаскуеит аԥааимбар:
– Уа уоуп ҳпоезиа Аԥсҳа, ацәашьы! –
Ара имыцхәуп ҽаӡә ихабар...
– Аџь ду акәша ҵиаа ииӡом,
Уи аума иуҳәо? Ашәахәақәа
Раанкылара ауӡом,
Иакыз икаххаа ацәашьқәа!
Иҭабуп, Баграт, ухәышҭаара
Заҟаҩ арԥыри ҵәҩанҵәы!
Уи ҳәаак амоу? Ишсызҳара –
Убра исызҳаит, иӡап ҽаӡәы!..
Иакуп сцәашьы, ишаку шәцәашьқәа,
Иакуп цәашь гәарҭак ахьаку:
Исыцаԥызҵо ацәаҳәақәа
Иныԥсах-ааԥсахуа ишәҿаку:
«Иаҿуп ажьҭаара Аԥсынра!..»
Машәырны иалыԥрааит аҽны!..
Исхарои? Сшаеҵә лоуп убра
Сзырҟьалаз, усшәа сырбаны!..
Владимир Аҵнариа
1938–2006
***
Уҽумыртлан, сажәеинраала,
Ушәага-зага ҭшәаз,
Ахырҭәагеиԥш уҽеидцалан,
Уҽҭакӡа амацәаз!..
Изхәарҭоузеи, уаӷәра уҿыҵны,
Иудыруа зегь ҳәо,
Ӡы хәашьушәа нас ухыҵны,
Агәам-чам еизыҳәҳәо?
Изхәарҭоузеи, хкаарашьҭынҵас,
Угәашәқәа зегь аартхар,
Инеилаҳар ҟанҭаруазҵас
Иукәыршоу амасар?
Избахьада гараҟәҟәада
Дгарарҵо аӡҟы?
Избахьада ххьа маҟада
Аԥсуа икәымжәы?
Аҽыуаҩ дҽыжәлар, цқьа ирыӷәӷәамкәа,
Иҽы ццышә амгәырха –
Икәадыр маха иҽизахамкуа,
Дцеит ауп уи хагәха.
Уеишьклаҳауа, маҟаҿамҳәан,
Ҳаи, ҳаӷоу уибеит!
Ус анакәха, уг-уҿы иамҳәо,
Ҿаҳаҵас унхеит…
Иудыруазааит уус шрылам
Аҳәҳәареи аҿыҭреи.
Срыҵашьыцуеит-ишԥеинаало
Аҟама аҿи аҭреи!
Уаҳа уасҳәом, сажәеинраала,
Исҳәахьоу азхоит:
Аиҩхаақәа ахьеидыӷәӷәало
Аӡиас амч аӷьхоит!
АԤСШӘА
Аԥсшәа! Исыцыршаз сажәа,
Гәыԥҳәыхшҵас изырхәыхә сҟырҟы,
Ԥсра-ӡра зқәым жәлар ражәа,
Уара сыблагә, схы, са сыԥсы.
Изызбозеи адгьыл ҭабгошәа,
Изызбозеи хәлар имшауа,
Изызбозеи амра ҭашәошәа –
Џьара аԥсышәак са иансмаҳауа?
Акаамеҭ ззырҳәо ҟаларгьы –
Усеиԥш анцәа ҳҭоумырԥшын! –
Машәырны саӡәыкны сеиқәхаргьы,
Сҵаа-ԥшаауа са снаҵысрын,
Иқәблааз геи-шьхеи сырхысны,
Аԥсышәак ахьырҳәо снаӡарц,
Ӡи-мцеи ирзымгаз насыԥны
Аԥсыуак инхарҭа сыԥшаарц.
«Ахәра ашәа» еицаҳҳәап ҳнеидтәалан,
Илеиҩеиуанаҵ уаҟа ҳаԥсыԥ,
Аԥсышәала ҳшеицәажәо хаала
Ҳаԥсуаазаргьы – ҳшаԥсыуаау ҳаԥсып.
Аԥсшәа! Уаныҟам сыгәнаҳауп,
Сҿахәы сзарҳәаӡом адунеи,
Узқәиааз адгьыл ссир ԥсраҳа,
Уԥсӡом! Урхыҩла геи-шьхеи!
Аԥсшәа! Исыцыршаз сажәа,
Гәыԥҳәыхшҵас изырхәыхә сҟырҟы,
Адунеи ду иақәлоу жәлар ражәа,
Уара – сыблагә, схы, са сыԥсы!
***
Ахәылԥаз, амра аԥсымҭаз,
Иҟоуп зны убас еиԥш аамҭак,
Адунеи зегь еиқәыӡырҩуа, ҿымҭуа,
Ианымҵысуа ҵлакаҿ махәҭак;
Аҵарақәа ҽынла иааԥсазшәа,
Ианааиқәтәо ашәакгьы рымҳәо,
Арахәҵәҟьа, ссирӡак раҳазшәа,
Рыхқәа шьҭых ианԥшу, имжаҳәо;
Ианымго ҵәыуабжьыкгьы, ччабжьыкгьы,
Ианыҟам кәашарак, шәаҳәарак,
Џьара маҷӡак иадамхаӡаргьы,
Аамҭагь ангыло џьарак…
Убасҟан аҳауахь сышьҭыҵуеит,
Са сцәа-сжьы сакӡамшәа, сласӡа,
Зегь ҳаиқәлацәазтәуа сазхәыцуеит –
Наунагӡа Аҿымҭра амаӡа.
Убасҟан игәхьаазгоит ирҿыцны
Аԥша лас, амра, ашара,
Агәырӷьареи ашәеи инарыцны –
Анасыԥ, агәыӷра, аҿара.
Владимир Ахьиба
1938–2000
***
Икьыркьыруа исԥылт, садырын,
Зылахь ҷашьу сҽы.
Аҩны инаган искәадырын,
Сҽыжәлеит уи аҽны.
– Ачу, ачу, ачу! – анысҳәа,
Иԥырӡеит убра.
– Ачу! – анысҳәа, ахәда кылҳәа,
Сама ицоит хара…
Ԥҳәызба ссирӡак сымҩаҿ дгылан,
Шьҭа уцалап уаҵәы!
Цашьа смоуит, сымҩа нкылан –
Сҽы ашьаҳаит лыхцәы!..
АДУНЕИ АЗХӘЫЦРА
Аҩсҭаагьы дыҟоуп, уи духьӡашт, – иҳәеит.
Ҩысҭаас иҟоу – уи дуаҩуп, – иҳәеит.
Амаалықь дыҟоуп, уи дибашт, – иҳәеит.
Адунеи, дад, абас ишоуп, – иҳәеит,
Џьара имырхәагоуп, џьара иԥшоуп, – иҳәеит.
Адунеи, дад, абас ишоуп, – иҳәеит,
Џьара излоуп, дад, џьара иашоуп, – иҳәеит.
Адунеи зегь, дад, иуаароуп, – иҳәеит,
Адунеи аҿы иҟоу, дад, ҿароуп, – иҳәеит.
Уахьынӡаҟоу, дад, қәԥароуп, – иҳәеит.
Уанаҵахагьы, дад, цәгьароуп, – иҳәеит.
САНЫԤСЛАК АШЬҬАХЬ
Хымԥада, хыҵакырҭада сӷарӡан сыԥсышт,
Ма споезиала сбеиан сынхап.
Саныԥслак – шәысхагыланы аҳалалгьы сышәҭ,
Ажәа иҳараку шәымҳәан –
Сатәазымбоз ргәы ннархап…
Сеишәа иқәшәыргыла аҵәца азна аҩы,
Зыхә мариаӡоу ҭаҭынкгьы амца сзашәыркы.
Сқьашана ианышәҵа:
«Ашәаҳәаҩ, агәыбылҩы…
Аамҭак икыднаҟьаз, иццышәхаз ибылны…
Иццышәхаз, аха ашьҭахь иҭалаз зыԥсы,
Аҵәыуара зхашҭны зыбла чча-ччаз абра.
Амҩаҿ аԥҳәызба илхызԥааз акасы,
Изцәымӡакәа измаз аҿара…
Зыԥсадгьыл агәҭыхақәа згәаҵа иҭашыз…
Ааԥын азышәаҳәаҩ, –
Уи ашәҭра иазыԥшыз…»
Таиф Аџьба
1939–?
АԤСНЫ АГИМН
Иҭбаауп адунеи, иҭбааӡоуп,
Иагьбеиоуп, иагьыԥшӡоуп зқьыхкыла.
Аԥсадгьыл атәы даҽакӡоуп –
Уи ауп зегь иреиӷьу атәыла.
Ишәҭуаз анцәа иишаз Аԥсны
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарԥхоз иахьӡаны
Иԥшьоу ахақәиҭра лашара!
Уи ахьӡ-ԥшеи фырхаҵареи згым,
Зықьнашықәса иааирала ицаша!
Бираҟҵас ишьҭыхны ԥсра зқәым –
Ԥхьаҟа, ԥхьаҟа инагала уиаша!
Ишәҭуаз анцәа иишаз Аԥсны
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарԥхоз иахьӡаны
Иԥшьоу ахақәиҭра лашара!
Иахьӡоит изызшоу аразҟы
Ахачҳара змоу Аԥсынтәыла,
Аԥсуара иарԥшӡоит зегьы,
Иарҭәуеит абри адгьыл ҵакыла.
Ишәҭуаз анцәа иишаз Аԥсны
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарԥхоз иахьӡаны
Иԥшьоу ахақәиҭра лашара!
АԤСУАШӘА
Уа радари, рада гәышьа,
Иаҳхаагахьоу шьардагәышьоуп.
Иаҳхаагахьоу ҳашьҭагәышьам,
Аринахыс ҳшаҭагәышьа.
Уа радари, рада гәышьа,
Ма ҳқьиара гәаҭагәышьа,
Уа ҳаԥсуара, ҳашьҭра мыӡуа,
Иахьынӡауа ҳажәла шьҭыҵуа.
Уа радари, рада рҳәама,
Дгьыли жәҩани рылԥха ҳама,
Ҷкәыни ӡӷаби еидҽырбало,
Хаҵеи ԥҳәыси рҳәоу еинаало…
Уа радари, ҳҵеира иацло,
Уа ҳшәарҭамхо ԥашәла-дацла,
Ианҳалымшо уа иҳахьӡаша,
Иааҳамданы ԥхьаҟа изгаша.
Уа радари, ҳгәыӷра ҳамжьо,
Иҳашьҭалан иааиуа ԥхамшьо:
Уа, ҳаламыс, ҳҵабырг – ҳиаша –
Изхарҳаша, изыздырҳаша.
Уа радари, ҳашәа ԥымҵәо,
Уа радари, ҳамца ҿымцәо,
Уа, радагьа, рада гәышьа,
Еиҭаҳәашьак ҳаҭагәышьа!..
АМРА ССИРУП АҬАШӘАМҬАЗ
Амра ссируп аҭашәамҭаз,
Абла ахьышәахәа ҭыԥхоит.
Аҭашәамҭаз, аҭашәамҭаз
Амра акалашәа игәыкхоит.
Имариоума зегь рзыҳәа
Иахьа хәлаанӡа абылра?
Имариоума нас ашьшьыҳәа
Зегь ааныжьны ацара?
Аха гәыҩбарак анымкәа
Игәыбзыӷыуп ахаҿы,
Игәазырҳагазҭгьы уажәынӡа –
Игәыҿкаагаӡоуп уажәы…
Зымҩа нҵәода, ас изцода,
Зынӡа хьаас иҟамҵа?
Ас анышәара зылшода
Абри аҩыза алахьынҵа?
Амра ссируп аҭашәамҭаз,
Абла ахьышәахәа ҭыԥхоит.
Аҭашәамҭаз, аҭашәамҭаз
Амра акалашәа игәыкхоит!..
Витали Амаршьан
1941
АМРА АНҬАШӘОЗ...
Амра анҭашәоз, сыԥсы ацҭашәарцаз,
Маҷк иааҭгылан исзыԥшит.
Сыԥсҭазаара зынӡа ишшәарҭаз,
Сцәа ианырын – сааилашит!..
Мап ацәыскит амра ацамҭаз,
Изулакгьы сҽынсырхеит.
Нас дырҩегьых ҿыц ашамҭаз,
Амра ангыла иаасҿаҷҷеит.
«Адунеи хҭылҵда иқәухуазеи,
Дыҟаӡамкәа уԥа гәлымҵәах!» –
Хгашьа змам аҽԥныҳәа снаҭеит,
Схы-сгәы салнарԥшит еиҭах!
Ус дырҩегьых саргәыбзыӷит,
Сгәыднакылеит сԥа ицымхәрас.
Еимгеимцарак схьаа еихсыӷьит,
Амра сеигәырӷьеит хәыҷҵас!
Иахьцоз сашьҭалт нас сымԥшыкәа,
Сацҭашәацәҟьарц ианҭашәо.
Аха дырҩегьых са смышьҭыкәа,
Наҟ инӡаалт еикәаԥхо.
«0, Анцәа ду! Ахьышьаргәыҵа!
Изсуҭазеи лахьынҵас –
Сеилаҳауа адунеи аԥырҵра,
Ԥырҵшьагь сымамкәа зынӡас!» –
Ас сыгәжәажәо сшылакҩакуаз,
Шьарда аамҭа наскьеит,
Аҵх дуӡӡагьы сшыгәаҟҵәаҟуаз,
Ҿыц иҟьаҟьаӡа иаашеит.
Ишгылалац еиԥш амра ангыла,
Сеиҭаԥылеит уи ҩаԥхьа.
Сеиҭагәыднакылт гәыблыла,
Сеиҭаннажьит хәылбыҽха.
Шьҭа ес-шаргьы ҳаикәшалароуп,
Сԥа сахьишьҭоу изҿыҭуа.
Ес-иԥслакгьы ҳрыцыԥслароуп,
Ҳрыцилароуп ес-ииуа!
АӠӘК ДЫШӘҨЫКЫН...
Аӡәк дышәҩыкын ҳара ҳзыҳәа,
Шәҩык – зқьҩыкын ҳара ҳзы.
Уараид-игәышьа, уараид-имыхәа,
Ҳакәыхшароуп урҭ рыԥсы!..
Иаҳаурызеи, ҳақәшәагәышьеит,
Аха иаҳзымхьчаз рацәаҩуп.
Ҳгәаҵәажәпара иахҟьагәышьеит,
Аҭоурых шаҳаҭуп – сшәаџьҳәаҩуп!
Наҟ ҳаԥхьаҟа зқьышқәса царгьы,
Сыбжьы мнаҩыр ҟалаӡом.
Амҩа сықәуп ишаргьы, ихәларгьы, –
Зегь рыӡбахә мҳәакәа сызхынҳәӡом!
Исымагәышьам уаҳа ԥсыхәа,
Сынҭгыла-ааҭгылауа, хрыжь-хрыжь,
Дасу ифырхаҵара, ихы-иҵыхәа,
Расҳәалароуп – гәашәк аанмыжь!..
Аӡәк дышәҩыкын ҳара ҳзыҳәа,
Шәҩык – зқьҩыкын ҳара ҳзы.
Уараид-игәышьа, уараид-имыхәа,
Ҳакәыхшароуп урҭ рыԥсы!..
АҞӘА
– Ари са соуп... абар, субома?
О, Аҟәа, Аҟәа – ари са соуп!
Иузхаҵома, агәра узгома,
Сыҩны сахыларц сгәы иҭоуп!..
Санцоз исыцыз сыҷкәын дсыцым,
Ихы ухҭниҵеит уара уԥа!
Адунеи азыҳәан ари ҿыцым –
Адгьыл иқәсхьеит иага цәқәырԥа!
Аха са сзыҳәа иуаӷеимшхароуп,
Џьаҳанымуп, илашьцоуп!..
Уи саиааины сеиҭалашароуп,
Аԥсны саҵеизар – ус сыхәҭоуп!..
Ҳзықәшәаз ҳақәшәеит, ҳгәы ҳаԥсахып,
Аҳаҳаи амарџьақәа, умшәан!
Ҳиааира дуӡӡа аӷа ибла ҭнахып,
Бжьрабжьҵәа дашьҭып – уи амишәан!
Абылра ҳалҵны ҳа ҳҩеидасып,
Ҿыц ҳанылап адунеи...
Бзанҵы ишмыӡуа зегь рлымҳа иҭасып,
Аԥсны жәлари Аԥсынреи!..
О, Аҟәа, Аҟәа, уара уџьанаҭуп,
Удырхәашазааит иагагьы!
Уара ҳшьам-дгьыл уаҳҭны-қалақьуп,
Шаҳаҭс думоуп анцәагьы!..
Уара иудыруеит узыԥсахыз,
Аӷа уизҭаз уишьаҟьарц!
Ушәҭ блахкыга знапы иҿнахыз,
Ахаан уаҳа умӷьацарц!
Уара иудыруеит иухҭысыз,
Изакә гәаҟроу узлаԥшыз.
Изакә шҳаму уцәа иакьысыз,
Изакә гәымхоу узҟьашьыз!
Урҭ дамыӷны аҭоурых ианылап,
Ӡы иазымӡәӡәаӡо иаанхап!
Уара ухәрақәа еинылап,
Уара уцәҟьарсҭақәа ҳарӷьап!..
– Иҭабуп, о, сыҷкәын... иуҳәаз ажәа –
Даара гәахәас иҟасҵоит!..
Салацәажәом сахьынӡагәжәажәаз,
Уи шьарда аамҭа сцәагоит...
Акызаҵәыкоуп сызлашәыҳәо,
О, сыҷкәынцәа – сеиқәзырхаз!
Акызаҵәыкоуп сызлашәыҳәо,
Зегьы исызрашәҳәа сыбжьы змаҳаз:
Шәгәы шәмырҭынчын иаҳгеит ҳәа аиааира,
Егры дырҳцеит ҳәа ҳаӷа!
Шәгәы шәҽанызааит, дад, есааира,
Уажәоуп ианшәарҭоу зегь еиҳа!
Макьана шәалоуп арҩышьыга,
Ҽеила иҟаҵәҟьоу жәбаӡом!
Абираҟ кнашәҳазаргь ихәныга,
Уи ала аибашьра нҵәаӡом!..
Шәхы шәаиааироуп зегь шәеидгыла,
Аӷа шәшииааиз еиҳаны!..
Иҭахоит, ижәдыруаз, Аԥсынтәыла,
Аԥсымҭәра шәылалар иҿкны!
Иҭахаз аҵеицәа ргәхьаа мкыкәа,
Дасу дашьҭалар ихы,
Иҵысыр алшоит, дук мырҵыкәа,
Иара ҳадгьыл агәы ԥжәаны!
Имцурамхои усҟан баша,
Ахақәиҭра ҳәа ҳзышьҭаз.
Шәа шәоуп дырҩегьых иалзмыршаша,
Шәа шәоуп игылаша ҭынхас!
Заур Быҭәба
1942
АМАРИАЛ АԤАЦӘА АФОИТ
Иамоуп амариал убри еиԥш аҵас:
Иафоит иариуа аԥацәа шахшаз.
Аха акы-ҩба азымккәа азқәахь иацәцоит,
Уа иқәлан иқәтәоит, уа иӷәӷәахоит,
Ҽнакала рҽеибырҭоит, нас, рыҽӡаны ицоит...
– Шәыԥшишь, ижәбома, исхылҵыз сԥацәа,
Иаразнак, ҽназаҵәыкала ишрызҳа!
Убас иааӡарҭоуп сыбӷа ахаҭа! –
Иаҿын амариал абас аҳәара,
Аҟәаҟә иацәықәлан иеиқәхаз аԥацәа
Азымфаӡакәа хара ианацәца...
***
Аԥсҭҳәа аныхчыла амра арӡит –
ԥшоуп изхаро,
Аӡынра анааи абӷьқәа арӡит, –
хьҭоуп изхаро.
Аӡыхь анырҟьашь ашьҭа арӡит, –
ҳәоуп изхаро,
Дуаҩны дшыҟаз иуаҩра ирӡит, –
ҩуп изхаро!..
***
Амжәа шгылаз иҵыҩрит иажәын, иааԥсан, –
Аџьма игәаҭан, иакәшан, иқәлан ирфауан.
Аха амитә иақәшәаҵәҟьаз ажыц ауп абра,
Амжәа ишақәыз ианкаҳа ҵаҟа...
Ишԥарыԥсыхәо ажыцқәа, – ажыцқәа џьоукы,
Абас изқәу рыҵлақәа андәықәла хланҵы?
Валери Касланӡиа
1943
АИНИАРА
Ах, аҭыԥҳа ссир, беинаалоуп рацәа,
Сгәы ҭрысуеит сылаԥш набхьысыр.
Аиашаз, быҟоуп бишазшәа Анцәа,
Сыблып ба бӡамҩа снакьысыр.
Ааигәанӡа бабаҟаз, наҟӡоу џьара,
Ма иаалырҟьан ас ибызҳама!?
Иҳәа нас, иббаз, бгәы шахәаз ара,
Са саԥхьа ҽа ҩызак дбырҳама?
Иарбан, исаҳәа иану слахьынҵа,
Изцозеи бӡамҩақәа ҭыҵны?
Сшоума снасыԥдан, ма сныҳәоу зынӡа?
Ихасҵоит ҳшыҟаз ҳаицәыӡны…
ЗНЫМЗАР ЗНЫ
Сыԥхыӡ далҵхьан, ҳа ҳаицәыӡхьан,
Исыздыруамызт лхабар,
Сқәыԥшра хыхны сыԥсы иалаз,
Ҳаиниеит лакәҵас ҩаԥхьа абар!
Ҳа ҳнеилаҵәеит жәада, хаала.
Ас ҳаизааигәаны ҳҟамлац…
Лара дқәыԥшуп, сара сқәыԥшуп,
Қәыԥшроуп, уаҳа ҽак ҳамбац…
Ацәа салҵит сқәыԥшра шсымаз,
Иауам, сзалҵуам са сыԥхыӡ.
Сара усҟан убас сраҳаҭын,
Гәҩарак сауаанӡоуп дшысцәыӡ.
Зегь акоуп, са сиарҭа сҽылак,
Сгәалаҟара анарх згоит.
Насыԥ бымаз, ԥхыӡ исҭааз,
Знымзар зны саргьы сыббоит.
ҲАИҚӘШӘАРА АЛАМҬАЛАЗ
Икыдҵәан илеиуеит ақәа,
Са сныҳәоуп уи аныхкәа.
Асааҭгьы сылаԥш ахуп,
Уи маҷк имласыргьы сҭахуп.
Сгәыӷра наскьазгоит сацәшәо,
Макьаназ идырым ҳаиқәшәо.
Амҩақәа кәароуп, избоит.
Ла ҟьалак ӡхыҵырц иӡсоит.
Мап, сара амшынгьы сацәшәом,
Ӡхыҵрак ҟаларгьы сазгом.
Мчы ӷәӷәак ба бахь сыхнаҵоит,
Хымԥада сыгәҭыха наӡоит.
Иабаҟоу, иаҳәозеи асааҭ?
Ԥсгахак, иауазар, иҳаҭ.
Иааԥсазшәа илеиуеит ақәа,
Са сныҳәоуп шьҭа ианыхкәа.
Рауль Лашәриа
1945
АԤСУА ИДА АӠӘГЬЫ ДСЫЗДЫРӠОМ
Дсыздырӡом Абзыԥуа,
Дсыздырӡом Абжьыуа
Исыргаӡом сыбжьы уа,
Издыруа аӡә иоуп,
Сара сзыҳәан дынцәоуп:
Аԥсуа хаҵа,
Агәеицамк,
Аԥсуа хаҵа, –
Афырхаҵа, –
Згәы хәашьым,
Згәы ҟьашьым.
Исыргаӡом сыбжьы уа,
Сцоит мҩак сыбжьыууаа,
Сырхашҭзаргьы абжьыуаа,
Сгәы нхом уи азы.
Сырхашҭма абзыԥқәа,
Сҭаршәын урҭ рыкәа
Абжьыуагь дсыздырӡом,
Дыздыруеит иаԥсыуоу,
Сзыхгәаҟуа, исыуоу,
Уи иоуп сызҭаху,
Сџьынџь иаҭаху!
Абжьыуареи абзыԥреи
Жьи-наԥхыци – схыбреи,
Саџьал наҟ сахшәырԥеи.
Шәара ишәеиӷьу избеи.
Сара исеиӷьу ижәбеи.
Абжьыуареи Абзыԥреи
Изцу схьааи сымшреи.
Дсыздыруам Абзыԥуа,
Дсыздыруам Абжьыуа...
Исыргаӡом сыбжьы уа,
Сзықәгәыӷуа аӡә иоуп,
Сара сзын дынцәоуп,
Иабзыԥуа абжьыуоу
Аԥсуа хаҵа, Афырхаҵа.
АШӘҬЫШԤШӠА
Сышнеиуаз амҩан, сгәысҽанӡамкәа
Иԥшқарахӡа шәҭышк насԥылт,
Адацқәа ӡык рхьыкәкәон, имҩацкәа,
Рцәыкәбараҿ шьхыц рыцҳак хыԥсылт.
Ах, ишԥамуеи, ҭымыҭшәарак,
Сызҭымҵуа аҽнышьыбжьон сҭахеит.
Сара исмоурцаз гәыхшәарак,
Сышәҭыш, ҩаԥхьа ухьӡ сҿашәеит.
Адунеи самкуа, адунеи уамкуа,
Ҳзеибамдырӡо ҳарҭ зынӡа,
Схы уҭаӡамкәа, сгәы уҭаӡамкәа,
Ҳаиԥызгалазеи шьыжьӡа.
Схы збоит аԥсҭазаараҿ ссасымшәа
Сшанугьы амҩа са сзаҵәӡа.
Сҟамларц баша ицәажәо аԥсышәан,
Сышәҭыш, умч лаша схьыгӡа...
Сышнеиуаз амҩан шәҭышк исԥылаз,
Убас аԥшӡара сгәаԥхеит,
Иеизыкәкәеит доуҳамчс исылаз,
Ҳаибадырырцгьы сҭаххеит.
Сышәҭыш сазҵааит: «Уабатәида,
Усԥызгалазеи укаҷҷо?
Аӡәгьы дзыҟами са сыда,
Узшаҭо, уԥшӡара зыхьчо?»
Аҭак снаҭомызт са сышәҭыш,
Ашәак азҳәомызт игәаӷьны
Аныҿнамҭ исҳәеит: «Са сымыш,
Ажәак сызуаҳәаӡом иаӷьны.»
Избоит, ибжьаӡуеит шьҭа адацра,
Ҽаҩра ҿыцк џьоукы ирыҟәшәоит,
Ашәҭыш, иалиааз зны ауацра,
Иауам, ахы ԥханашьоит.
АМБА ШЬАҞА
Амба шьаҟа гәыдикылоит
Аешьа дызмам.
Дшазыԥшӡам ԥсынкәак иԥылоит,
Имыцҳаргьы ауам.
Амба шьаҟа гәыдызкыло
Усҵәҟьа ирацәаҩӡам.
Сашьа иоуп сдоуҳа иаԥыло,
Уи дычмазаҩӡам.
...Амба шьаҟа гәыдыскылон
Шьыжьык, ҿымҭ, схаҭа.
Ԥсыуа шьхыц хәыҷык сыдыԥсылон
Еилнакаарц сгәаҭа.
Ажьаҳәеи нас аԥсынгьарии
Ррыҭәа сыбжьакуп.
Аԥсҭазаараҿ – ании арии
Еилсыргарц саҿуп.
Амба шьаҟа гәыдыскылоит
Исыԥсҭазааран, бзиа иба.
Амц сымжьакәа сыздызкыло,
Сымба, сымба ԥшӡа, уҽырба.
Белла Барцыц
1945
АԤСУА АН ЛНАПҚӘА
Аԥсны анацәа – аԥсуа нбанқәа,
Нбан-нбанла рҳақ шәатәуп.
Аԥсны иахҭысхьоу нбан-нбанла,
Рнапқәа рызқәаҿ иҭҵаатәуп.
Ршьа зхьыршам хаҳәык уԥылом,
Изеиԥшу уасҳәап – аџыр хырҭәа,
Уццышә каԥсо убла ихылом,
Шьалҵас иукәшоит рнапқәа.
Ҳажәҩан еиԥш рнапқәа хыԥшами,
Иҳалалуп рыблақәа реиԥш.
Адунеигьы изаҵо
Сара сбызшәа.
Сара сиит Аԥсны,
Аԥсыуак иҩны.
Адунеи саԥаны
Сҟалароуп сыҩны!
АХАҲӘ ААМЫСҬАШӘА
Иахьарнахыс еиҳа ҳаҭыр уқәысҵоит
Ахаҳә аамысҭашәа – издыскылаз сыԥсы.
Сыҷкәын дахьышьҭоу ихаӡгылара удысҵоит,
Уи дамеигӡаӡеит уара узыҳәангьы иԥсы...
Иахьа сара сҟыбаҩ, сгәыбылра уласҵеит,
Уизгыларц сарԥыс-еибашьҩы баҟас.
Ихәыцрақәа уыҭан амҩа уқәысҵеит –
Шәыԥсҭазаарак ирызхоит,
Урҭ ԥсыс иухаз!
Сарион Ҭаркьыл
1936–2005
***
Шьхала имҩсуеит аԥҭақәа,
Шьхала имацәысуеит зынгьы.
Аӡын ааиуеит иҳазгәамҭакәа,
Ҳшазыԥшым зынӡагьы.
Иԥшасуа, иқәасуа ишыҟоу,
Иаалырҟьан, ҽнак шарԥазы,
Ҳанындәылҵлак адәныҟа,
Иаабоит ишкәакәаӡа асы.
Ажәҩан хыхьынтә асы алагоит,
Адгьыл ҵаҟантәи иԥшуп,
Аамҭа шкәакәа абас иалагоит:
Зегь шкәакәала ишәуп.
Иаҳҳәоит: «Ҽаанбзиала!
Асы еиԥш, ҳанасыԥ лашаз,
Асы еиԥш, ҳагәқәагьы цқьаз,
Ҳнеиааит ҽаангьы бзиала!»
Нас уи асы кәаҳаны,
Ҳабжьгьы адунеи иарҳаны,
Ԥхьаҟатәи ҳааԥын хазцоит,
Зегьгьы
Ҳгәахәтәы хахьӡоит.
Баша ҳусқәагьы бжьаӡуам,
Ҳазну амҩагьы ласуп.
Макьана ашьха иҟоуп аӡын,
Макьана ашьха иҟоуп асы...
СЫԤСАДГЬЫЛ
Сылашара сыԥсадгьыл,
Абас улахь зеиқәузеи?
Д. Гәлиа, 1920
Улахь зеиқәузеи, Аԥсны?
Уҵарадам иахьа, ухәыдам,
Уҵеицәагьы иахьа ихыдам,
Рыҩны иҟоуп, уара уҟны.
Улахь зеиқәузеи, Аԥсны?
Наҟ иагазгьы арахь иаауеит,
Амҩа иашьҭоуп, иԥшаауеит,
Амҩагь иқәлоит иласны.
Иаадыруеит,
Сара избоит:
О, хьаак анумам ыҟаӡам,
Умшәа-умырҳа узныҟәаӡом,
Зегьы ҳзыҳәан
Уара ушәоит.
Ламыс змаӡам џьоукгьы
Уара уҵәылхра иашьҭоуп,
Аҟәараӷ ркуп, аха иашьҭуам,
Ныхак иашьаҳаит даргьы.
Ҳазшаз ибоит,
Зегь ибоит:
Ҟамак дагоит зҟама ҭызхыз,
Ахы дагоит ашәақь шьҭызхыз,
Шҳамла иҭәугьы шҳамк дагоит.
Ҳамш еилгоит иахьа-уаҵәы,
Аԥҭа еишьылқәа цоит ихыҵны.
Зегь аабазшәа усҟан ԥхыӡны,
Агәра зымгогь дҟалашт аӡәы.
Нас улахь зеиқәузеи, Аԥсны?
ШӘГЫЛ ЗЕГЬЫ!
Ҳадгьыл ҳаԥхьеит, ҳажәҩан ҳаԥхьеит:
«Аԥсны аҵеицәа, шәгыл зегьы!»
Иахьа инҳажьыз – уаҵәы иҳагхоит,
Аган шәавамхан аӡәгьы!
Иахьоуп данубо ихаҵаз,
Иахьоуп ианыӡбахо зегьы –
Иахьа зҽызӡаз, иахьа ихьаҵыз,
Дыԥсит, уи дыҟам зынӡагьы!
Аԥсны аҵеицәа, Аԥсны аҵеицәа,
Аԥсны зықәгәыӷуа шәара шәоуп!
Шәаамҭа ааит, шәгыл аӷьеҩцәа!
Шәаамҭа ааит, уи – уажәоуп!
Шәнеибац, шәнеибац, шәнеибац,
Аԥсны бзиа избо зегьы,
Ахақәиҭра мра кацеиларц
Аԥсынтәылан есқьынгьы!
Мап, ахьаҵра залшом уаҳа –
Шәышьҭахь иҟоуп шәаб ишәхымс!
Ибоит Анцәа, ишәыдлом гәнаҳак –
Шәхыс! Икылкаан шәхыс!
О, ҳаиӷацәазар – ҳаиӷацәоуп,
Нас ҳаилгап иахьа нахыс.
Иаҳнырҵаз ахәрақәа рацәоуп –
Урҭ рзынгьы шәхыс!
Шәхыс – Аԥсынтәыла ахьӡала
Иҭахаз зегьы ршьа ауразы!
Шәхыс – ахақәиҭра ахьӡала,
Шәхәыҷқәа уаҵәтәи рԥеиԥш азы!
Шәнеибац, шәнеибац, Аԥсны аҵеицәа,
Аԥсны зықәгәыӷуа шәара шәоуп!
Шәаамҭа ааит, шәгыл аӷьеҩцәа!
Шәаамҭа ааит, уи – уажәоуп!
Заур Кәарҷиа
1936–2008
АӠЫХЬ
Амитә аџьабаа баны,
Арахәыц еиԥш ипаны,
Ичҳауа аҭакар, аҷыхь,
Адгьыл иалҵәраа иааит аӡыхь.
Алаӷырӡ еиԥш ицқьаны,
Излыс, излиааз цаҟьаны,
Аха абжьы аргаӡом,
Ихыш-хыҵәогь иубаӡом.
Амра ԥхеит ҳәа иҭабаӡом,
Амш цәгьоуп ҳәа ихәашьӡом.
Уи зегь рыла аԥсы ԥшьоуп,
Иацлом, иагхом – иаҟазшьоуп.
АШӘА
Уа, лахҿыхроуп ашәа ахьыҟоу,
Уи наџьнатәгьы иаҳәо мцым.
Ашәа еиӷьу иарбан иҟоу,
Изыԥсоузеи ашәа зцым.
Ушьа-уда иҭысны ԥхьаҟа иухоит,
Ашәа иунаҭоит амч-алша.
Ахәра гәаҟраҿ ашәа ухәоит,
Ашәа, идууп ахыԥша!
Ашәа ҳәо, аҟәҟәаҳәа ихысуа,
Нарҭаа дуқәагь анкьа зны,
Ҭынч ашьшьыҳәа, еихьыс-еиԥысуа,
Ртәыла иалалон – Аԥсны.
Хьыӡрацара ианцоз акәзаргь,
Иара усҟангь ашәа рҳәон.
Урҭ ирызку ажәабжь – лакәзаргь,
Урҭ ирхырҳәааз ашәа нхон!..
***
Амҩа сықәуп,
Кыр сыԥхықәуп,
Инасыԥуп –
Ааԥынра ааит;
Амра аацәырҵит,
Ашәҭқәа гәылҵит,
Аԥсҭҳәа хыҵит –
Ааԥынра ааит.
Хәык сынхыҵит,
Ԥшак насхьысит,
Иаахәыҭ-хәыҭит…
Ааԥынра ааит.
Аԥсаатә ҷырҷырит,
Урҭгьы ирдырит,
Зегь еицгәырӷьеит –
Ааԥынра ааит.
Ԥхьаҟа ак сыхеит,
Сгәы ак ҭыхеит.
Адгьыл ҿыхеит –
Ааԥынра ааит!
Терент Ҷаниа
1937
АНЦӘА ИАЛИХЫЗ АԤСНЫ
Агеи ашьхақәеи рыбжьара,
Баҳча ссирла иқәҵаны,
Адгьыл лакәқәа риаҵәараҿ
Анцәа иалихит Аԥсны.
Ари аԥхын еиԥш иҟәандоуп
Ҳнапы разқәа реибаркыра.
Дарбан ари ажәа зҳәамҭоу,
Хьӡыс иузҭаз Аԥсынтәыла?
Амра ашҭаҿ илашароуп,
Иаҵәахызаргь аԥҭа зны.
Ҳа ҳазхылҵыз дара ршьалоуп
Ахы ишақәиҭхаз Аԥсны.
Ари аԥхын еиԥш иҟәандоуп
Ҳнапы разқәа реибаркыра.
Дарбан ари ажәа зҳәамҭоу,
Хьӡыс иузҭаз Аԥсынтәыла?
Агеи ашьхақәеи рыбжьара,
Ажәҩан алахь ус анын:
Иҟаз аԥсуа илашара, –
Анцәа иалихыз Аԥсны!
Ари аԥхын еиԥш иҟәандоуп
Ҳнапы разқәа реибаркыра.
Дарбан ари ажәа зҳәамҭоу,
Хьӡыс иузҭаз Аԥсынтәыла?
ДЦОН АԤҲӘЫЗБА ԤШЫХӘРА
Адгьыл хәын, ишәын ашьацра,
Ажәҩан абла еиқәаҵәан.
Ԥҳәызбак ԥшыхәра дцон ашамҭаз,
Ларԥыс диашьапкуан Анцәа:
Уаҭәҳәа уи сымза-сцәашьы,
Аҵхгьы, иҵегь ушәшьы!
Сбыҳәоит, бахыԥа аԥсра,
Срыцҳабшьозар сара!
Аҵх цәҟьан, ишын ахымҩас,
Ҳгәыӷра шәытак аннаҵон.
Ажәҩан акәын гәыӷрас имаз, –
Адгьыл ҟьаҟьа уи дакӡом.
Уаҭәҳәа уи сымза-сцәашьы,
Аҵыхгьы, иҵегь ушәшьы!
Сбыҳәоит бахыԥа аԥсра,
Срыцҳабшьозар сара!
Уи дҭахеит аӷа дынкылан,
Ажәҩан иалшәеит ҽа еҵәак.
Зегь аками хәылԥазыла,
Арԥыс диашьапкуеит Анцәа:
Уаҭәҳәа уи сымза-сцәашьы,
Аҵыхгьы, иҵегь ушәшьы!
Сбыҳәоит бахыԥа аԥсра,
Срыцҳабшьозар сара!
Ибла хәуп, игәы ҭаҷаҷоуп,
Ацәа далҵуеит дцәырҳаны.
Усҟан дшибац еиԥш деихаччо,
Ажәҩан дкыдуп диеҵәаны...
Уаҭәҳәа уи сымза-сцәашьы,
Ажәҩангьы, иҵегь ушәшьы!
Сбыҳәоит бахыԥа аԥсра,
Срыцҳабшьозар сара!
***
Иаашанхазшәа знык ақыҭа,
Шарԥазынгьы ацәа иалан.
Анапы ҭшьуа алакыҵа,
Иааиуан ҭынч ашара хиаалан.
Кәҷышьк акалаҭ иаҵахазшәа,
Иаакьу-сыуит амацара.
Мрагылара сцәыԥхашьазшәа,
Иазцәыргомызт абла хаара.
Ажьымжәақәа еиҟәыншәылан,
Ихьанҭаӡа хыхь икнаҳауп.
Уԥсы цәгьамзаргьы, џьым, ашәыраз.
Икныумхыр, ных, игәнаҳауп.
Аҵәа ҟаԥшь – акәиц иацәызго,
Амахәҭаҿы ажәҩан иалан:
Аҳ ичараҿ иеихс иҿызхуа,
Иӡӷаб дииҭоит инапала...
Иааԥшит амра. Абла хәыцқәа
Ажәҩан аҵа ду қәырҵеит.
Аҵла еимала са сазхәыцуан –
Бӷьыцк ампыҵшәан, икашәеит.
Џьума Аҳәба
1937
ААԤЫН
Аӡын хьшәашәа, имццакӡоз,
Ицеит аҽаршәшәан.
Аԥсаа рашәабжь, имгаӡоз,
Ихдыртлеит шьжьымҭан.
Ааԥын ааира еигәырӷьо,
Анаҟә аахылт.
Ԥсатала адгьыл ырԥсаҳәо,
Аҽыларҟә ихчылт.
Аԥша ҟәанда наҵаҵо,
Ашәаԥыџьаԥ арҵысуан,
Иахьагхаз иԥхашьа-ԥхаҵо,
Амрагьы ццакуан.
Адгьыл ахьҭа алнахырц,
Ашәахәақәа цәырҵт.
Ажәҩан аҵа инаҵаӡырц,
Анаҟә наҟ инхыҵт.
Ашьац ԥшқа қақаӡа,
Иҩеиуеит иҟато.
Аӡаӡа раӡынԥсараӡа,
Икаҭәоит иахьыкәкәо.
Ицәҳәыз амахә хахаӡа,
Апатҟәырқәа птит.
Ашәҭ абла шашаӡа,
Агәы ԥшқа аанартит.
ГӘАДУРАС ИУМАЗ
Уаԥсуазар, уҟаз ԥсуаҵас,
Аԥсуа ҵасқәа ныҟәгала.
Узааӡаз уан лгәыԥҳәыхшҵас,
Убызшәа ҳаҭыр ақәҵала.
Утәыла амцаԥшь ықәҵаны,
Уқәыхра иашьҭаз ҽышәала,
Уабацәа, ианкарцоз иқәцаны,
«Аԥсадгьыл!» – рҳәон ԥсышәала.
Рабиԥара мҩашьарц рынахыс,
Аԥсуа хьыӡқәа рыхьӡырҵон.
Даԥсуазаргь, аԥсуара данынахыс,
Ижәла ихыхны дықәырцон.
Ҳәаак аиушам инарха
Жәлар рхақәиҭра иадгылаз,
Аԥсуара зхы ақәызҵоз Инаԥҳа,
Ашьа казҭәоз зыԥсадгьылаз.
Ацсуа намыс ԥхьацаганы,
Измоу иқәуп еиҵамхара.
Инхеит аӷа изы игәыҭҟьаганы,
Аԥсуа Кьахьба ихаҵара.
Гәлиа, хеигӡара ззымдырӡоз,
Ҳаԥсуара дашьаҭоуп.
Коӷониа ибжьы хаа ԥымҵәаӡо.
Ажәлар ишрылац ирылаӡоуп.
Аҷанба, зажәахә камшәаӡо,
Аԥсуараз дыхьӡырҳәагами.
Лашәриа, игәеисра еиқәымтәаӡо,
Ҳпоезиа дааԥынны далами.
Нас арҭ ирҳәоз аԥсшәа,
Иахьа иҟәнызшьа дарбану?!
Агәаҟраҿ иԥышәоу абызшәа,
Изалшом ақәра аманы!
Иҽеим ҵасқәак уԥылозар,
Аԥсуара иатәны, уацәымшәакәа,
Ԥхьа рцараҿ ужәлар ирмыхәозар,
Ирылблаа, икажь уамеигӡакәа.
Аха аҵас бзиақәа, инымҵәаӡо
Реихаҳара уашьҭаӡаз.
Аҵас ауп амилаҭра зырԥшӡо,
Умилаҭра гәадурас иумаӡаз!
Убызшәа ҩашьартә ианыхәашьха,
Уаӷа изы гәырԥсақәшәароуп,
Уабацәа имырӡкәа ианеиқәдырха,
Уара иазҳарц уцлаблароуп.
Уаԥсуазар, уҟаз ԥсуаҵас,
Аԥсуа ҵасқәа ныҟәгала,
Узааӡаз уан лгәыԥҳәыхшҵас,
Убызшәа ҳаҭыр ақәҵала!
АШЬАУАРДЫНҚӘА
(М. Ҷкату итемала)
Ашьауардынқәа, ашьауардынқәа,
Кавказ ԥхьарҭас измаӡоу,
Аԥсадгьыл ахьчараз санықәуа,
Шәфырхаҵашьоуп сгәы иҭаӡоу.
Ашьха ԥҳәызба шәа шәанылбо,
Ишәзылкуеит лашәа игәыкӡоу.
Аҭаҳмада шәара шәанибо,
Игәнигоит иҷкәынра ицахьоу.
Ахақәиҭраз уи данықәԥоз,
Дызҵашьыцуаз шәара шәоуп.
Ирашь раԥхьаӡа данақәтәоз,
Издикылоз шәара шәоуп.
Ашьауардынқәа, ашьауардынқәа,
Кавказ аныс, абыс измоу,
Избоит, еиҵых шәымҵәыжәҩа дуқәа,
Шәызхаԥыруа ахра заҟароу.
Ахы шәықәшәан адгьыл шәықәтәар,
Шәҵас ала хьымӡӷыс ишьоуп.
Шәзыцәнымхо ахымҩас шәықәшәар,
Ихаҵароу – шәшыԥыруа аԥсроуп.
Ашьауардынқәа, ашьауардынқәа,
Ахақәиҭра ԥсыс изхоу,
Аԥсадгьыл ахьчараз санықәуа,
Шәфырхаҵашьоуп сгәы иҭаӡоу!
Мушьни Лашәриа
1938
ИАҾУП АЖЬҬААРА АԤСЫНРА
Иаҿуп ажьҭаара Аԥсынра,
Ажь иаԥсадгьылуп ара.
Адгьыл, амра ашәахәа –
Шәышықәса андырҵуеит аӡахәа.
Рдәыноуп аҵлаҿ ажьымжәа,
Амахә хьыдышьшьит амжәа,
Ал ду сылаԥш ахьӡаӡом,
Ишааԥсазгьы аӡаӡом.
... Амҵәышә, аҵлахь уццакы,
Ухаԥыц амахәҭа иаркы!
Ашаха, жәҩан ахь унаӡа,
Иахьа хыҵлакы урыхьӡа!
Акалаҭгьы ухьанҭаха,
Ҵыԥхцәатәи аҩы зҭаха
Аԥшәма изааԥсахьоу акыр,
Аҩы уамшьааит, ауалыр!
Адгьыл иҵоу аҳаԥшьа,
Дыссирхеит аҵлаҟны уаҳәшьа:
Лыхцәы шьҭасуеит асаара,
Илҭахуп уа уахь аара...
Игәаӷьы, аԥҳәызба, шьҭа сынтәа,
Арԥыс, аҳардан ҭаҭәа!
Ҵыԥх даҽаџьара иагаз,
Асас, сынтәа ҳа уаҳҭаз!
Иаҿуп ажьҭаара Аԥсынра,
Са сазхәыцуеит аҿара...
Абыӷьқәа цәажәоит: шьҭа даага,
Уҩызцәа, уқәлацәа еизга,
Иануоуа знык ауп аҿара,
Иргәырӷьа, уацныҟәа уара!
Аҳауа иалоуп ажь афҩы,
Аҵла дықәуп анхаҩы,
Аҵла амахәҭа аԥсашьоит,
Иԥоит, аҩада еихоит...
Шә-маӡак азааиуеит са сҿара –
Иаҿуп ажьҭаара Аԥсынра!..
СҬАМПЫЛТӘИ АЏЬАРМЫКЬАҾ
... Длымҭиир – уа длыдыԥсылон,
Длымҭиир – еиҳа еицәан.
Илзыԥшыз зегь лыбла ихгылон:
Амла, ачымазара – нцәан.
Дцәыҵагылан, џьара, акәакьаҿ,
Дааит зегь раԥхьаӡагь шьыжьы,
Уа, Сҭампылтәи аџьармыкьаҿ,
Ирылыҩуан ан лыбжьы:
– Сыҷкәын иоуп, дсааӡеит снапала,
Дал – Аԥсны ԥшӡа агәаны,
Сшәылахәаахәҭуам сара сшьала,
Дысҭиуеит имарианы...
Лԥа заҵә дихәаԥшуан, дуазыруан,
Мап, илбомызт даҽа мҩак,
Даазхәоз тәыс дҟаиҵон, илдыруан,
Аха имоурыз ча-ҿаҵак!..
Аԥа рыцҳа ԥшьаала дгылоуп,
Иан длыхәаԥшуеит ибла ҭраа,
Аԥагь, ан леиԥш, гәаҟрак далоуп,
Уажәы-уажә длазҵаауеит ус уа:
– Сан, бызцәажәои ҭырқә бызшәала,
Арҭ зынӡа аԥсшәа рмаҳаӡои?
Былаӷырӡқәа зцои еиқәҳәала,
Сан, Аԥсныҟа ҳамцаӡои?
– Сыҷкәын иоуп, дсааӡеит снапала,
Дал – Аԥсны ԥшӡа агәаны,
Сшәылахәаахәҭуам сара сшьала,
Дысҭиуеит имарианы!..
– Сан, бызцәажәои ҭырқә бызшәала?
Сан, бызҵәыуеи еимаҭәаны?
– Сшәылахәаахәҭуам сара сшьала,
Дысҭиуеит имарианы!..
... Длымҭиир – уа длыдыԥсылон,
Длымҭиир – еиҳа еицәан.
Илзыԥшыз зегь лыбла ихгылон:
Амла, ачымазара – нцәан.
АСАР РЫМҨА
Асар рымҩа, жәҩан аԥсаса –
Ус ауп саб ишысирба...
Ажәҩан иалҳәа игоуп, еицарса,
Аеҵә гәарҭа рыцәқәырԥа.
Асар рымҩа, схәыцра иуцыз,
Иӡуам ашьҭра, сгәы иҭынҵәо.
Зҵаарак ыҟоуп са сзыргәамҵыз:
Умҩа иахьалаго, иахьынҵәо.
Сдәықәыргалон, уахь исыхон,
Уахь – зегь рымаӡа наскьоуп.
Сара сымҩа сиаанӡа илхын,
Уи аракәашьҭра хароуп! –
Ицоит, ишнеиуа џьара иӡуеит,
Ахабар умбо ишьаҟьоуп...
Зҵаара гәарҭак уа еиццәырҵуеит,
Асар рымҩа иацырҟьоуп!
Еиҭацәырҵуеит: адәы сзықәу,
Адгьыл сзықәу са сшаны.
Аԥсабара аҿаԥхьа исыгу,
Сыҟоу сыҟаму сразны.
Еиҭацәырҵуеит схәыцра иацыз –
Иҟалашам сгәы иҭынҵәо,
Аҭак сауам са сзыргәамҵыз:
Сымҩа иахьалаго, иахьынҵәо.
Ҳакәша-мыкәша, асыҭәҳәа анаҩуа,
Џьара цәымзак ҳа иаҳзакуп!
Амҩа –
Дгьыли-жәҩани рымҩа,
Асар рымҩа! – уҳаракуп!
Еихдоуп, амҩақәа еиларсуп,
Џьанаҭ-џьаҳаным узго...
Ак ҵәатәы шьаҟан иаҳзарсуп –
Ацәгьа-абзиа еилзырго!
Икыдуп, иҟоуп амра шаша,
Ицоит агәнаҳа хыжжны,
Иҟоуп ахәахәа, аиаша –
Исыдсымкылт имарианы!
Сгылан, сгылоуп амра ахькыду,
Снапы рысҭоит аҵх зыршо,
Дгьыли-жәҩани раԥхьа исыду
Мыч ҟамларц изырхәашо!
Адунеи лаша нҵәара ақәым,
Зегь џьара-џьара еиԥшьуп.
Са сыԥсҭазаара-мҩа аракәа
Аамҭа ахы-аҵыхәа иахшьуп.
Асар рымҩа, жәҩан аԥсаса –
Ус ауп саб ишысирба…
Ажәҩан иалҳәа игоуп, еицарса,
Аеҵә гәарҭа рыцәқәырԥа!..
«ҨЫЏЬА ҲАҞОУП АԤСЫНРА!..»
Иԥриҭ арҭ ажәақәа хара,
Имариахеит риира, рҳәара:
«Ҩыџьа ҳаҟоуп Аԥсынра:
Хыхь Баграт, ҵаҟа сара!» –
Иаҿызгеит сажәеинраала зны:
«Иаҿуп ажьҭаара Аԥсынра!..»
Ак ацҵо, ак агырхо, еимданы
Иԥшаа иахьцәыррымго џьара!..
– Абас уҳәама, Мушьни, дад? –
Дсазҵааит чаракаҿ уи зны...
– Исҳәеит, исамхаҳәеит, Баграт,
Сқьафгьы ыҟан уи аҽны!
Каҳуажәырҭак аҿ ауп, џьара,
Ҳаиқәшәеит ҳахьеиқәшәалац еиҭа.
Шаеҵәк дрылыԥхон абра –
Кофҭа шкәакәа лхаҭа! –
Ҳаибарччеит ҳҩыџьагь ҳазхара,
Ихиркәшеит уаҟа иаҵәца кны:
– Иаҳжәып, иҳаԥшьап абра:
Амуза иатәу амуза иатәны!..
– Мап, Баграт, абраҟа сшьы, –
Имаскуеит аԥааимбар:
– Уа уоуп ҳпоезиа Аԥсҳа, ацәашьы! –
Ара имыцхәуп ҽаӡә ихабар...
– Аџь ду акәша ҵиаа ииӡом,
Уи аума иуҳәо? Ашәахәақәа
Раанкылара ауӡом,
Иакыз икаххаа ацәашьқәа!
Иҭабуп, Баграт, ухәышҭаара
Заҟаҩ арԥыри ҵәҩанҵәы!
Уи ҳәаак амоу? Ишсызҳара –
Убра исызҳаит, иӡап ҽаӡәы!..
Иакуп сцәашьы, ишаку шәцәашьқәа,
Иакуп цәашь гәарҭак ахьаку:
Исыцаԥызҵо ацәаҳәақәа
Иныԥсах-ааԥсахуа ишәҿаку:
«Иаҿуп ажьҭаара Аԥсынра!..»
Машәырны иалыԥрааит аҽны!..
Исхарои? Сшаеҵә лоуп убра
Сзырҟьалаз, усшәа сырбаны!..
Владимир Аҵнариа
1938–2006
***
Уҽумыртлан, сажәеинраала,
Ушәага-зага ҭшәаз,
Ахырҭәагеиԥш уҽеидцалан,
Уҽҭакӡа амацәаз!..
Изхәарҭоузеи, уаӷәра уҿыҵны,
Иудыруа зегь ҳәо,
Ӡы хәашьушәа нас ухыҵны,
Агәам-чам еизыҳәҳәо?
Изхәарҭоузеи, хкаарашьҭынҵас,
Угәашәқәа зегь аартхар,
Инеилаҳар ҟанҭаруазҵас
Иукәыршоу амасар?
Избахьада гараҟәҟәада
Дгарарҵо аӡҟы?
Избахьада ххьа маҟада
Аԥсуа икәымжәы?
Аҽыуаҩ дҽыжәлар, цқьа ирыӷәӷәамкәа,
Иҽы ццышә амгәырха –
Икәадыр маха иҽизахамкуа,
Дцеит ауп уи хагәха.
Уеишьклаҳауа, маҟаҿамҳәан,
Ҳаи, ҳаӷоу уибеит!
Ус анакәха, уг-уҿы иамҳәо,
Ҿаҳаҵас унхеит…
Иудыруазааит уус шрылам
Аҳәҳәареи аҿыҭреи.
Срыҵашьыцуеит-ишԥеинаало
Аҟама аҿи аҭреи!
Уаҳа уасҳәом, сажәеинраала,
Исҳәахьоу азхоит:
Аиҩхаақәа ахьеидыӷәӷәало
Аӡиас амч аӷьхоит!
АԤСШӘА
Аԥсшәа! Исыцыршаз сажәа,
Гәыԥҳәыхшҵас изырхәыхә сҟырҟы,
Ԥсра-ӡра зқәым жәлар ражәа,
Уара сыблагә, схы, са сыԥсы.
Изызбозеи адгьыл ҭабгошәа,
Изызбозеи хәлар имшауа,
Изызбозеи амра ҭашәошәа –
Џьара аԥсышәак са иансмаҳауа?
Акаамеҭ ззырҳәо ҟаларгьы –
Усеиԥш анцәа ҳҭоумырԥшын! –
Машәырны саӡәыкны сеиқәхаргьы,
Сҵаа-ԥшаауа са снаҵысрын,
Иқәблааз геи-шьхеи сырхысны,
Аԥсышәак ахьырҳәо снаӡарц,
Ӡи-мцеи ирзымгаз насыԥны
Аԥсыуак инхарҭа сыԥшаарц.
«Ахәра ашәа» еицаҳҳәап ҳнеидтәалан,
Илеиҩеиуанаҵ уаҟа ҳаԥсыԥ,
Аԥсышәала ҳшеицәажәо хаала
Ҳаԥсуаазаргьы – ҳшаԥсыуаау ҳаԥсып.
Аԥсшәа! Уаныҟам сыгәнаҳауп,
Сҿахәы сзарҳәаӡом адунеи,
Узқәиааз адгьыл ссир ԥсраҳа,
Уԥсӡом! Урхыҩла геи-шьхеи!
Аԥсшәа! Исыцыршаз сажәа,
Гәыԥҳәыхшҵас изырхәыхә сҟырҟы,
Адунеи ду иақәлоу жәлар ражәа,
Уара – сыблагә, схы, са сыԥсы!
***
Ахәылԥаз, амра аԥсымҭаз,
Иҟоуп зны убас еиԥш аамҭак,
Адунеи зегь еиқәыӡырҩуа, ҿымҭуа,
Ианымҵысуа ҵлакаҿ махәҭак;
Аҵарақәа ҽынла иааԥсазшәа,
Ианааиқәтәо ашәакгьы рымҳәо,
Арахәҵәҟьа, ссирӡак раҳазшәа,
Рыхқәа шьҭых ианԥшу, имжаҳәо;
Ианымго ҵәыуабжьыкгьы, ччабжьыкгьы,
Ианыҟам кәашарак, шәаҳәарак,
Џьара маҷӡак иадамхаӡаргьы,
Аамҭагь ангыло џьарак…
Убасҟан аҳауахь сышьҭыҵуеит,
Са сцәа-сжьы сакӡамшәа, сласӡа,
Зегь ҳаиқәлацәазтәуа сазхәыцуеит –
Наунагӡа Аҿымҭра амаӡа.
Убасҟан игәхьаазгоит ирҿыцны
Аԥша лас, амра, ашара,
Агәырӷьареи ашәеи инарыцны –
Анасыԥ, агәыӷра, аҿара.
Владимир Ахьиба
1938–2000
***
Икьыркьыруа исԥылт, садырын,
Зылахь ҷашьу сҽы.
Аҩны инаган искәадырын,
Сҽыжәлеит уи аҽны.
– Ачу, ачу, ачу! – анысҳәа,
Иԥырӡеит убра.
– Ачу! – анысҳәа, ахәда кылҳәа,
Сама ицоит хара…
Ԥҳәызба ссирӡак сымҩаҿ дгылан,
Шьҭа уцалап уаҵәы!
Цашьа смоуит, сымҩа нкылан –
Сҽы ашьаҳаит лыхцәы!..
АДУНЕИ АЗХӘЫЦРА
Аҩсҭаагьы дыҟоуп, уи духьӡашт, – иҳәеит.
Ҩысҭаас иҟоу – уи дуаҩуп, – иҳәеит.
Амаалықь дыҟоуп, уи дибашт, – иҳәеит.
Адунеи, дад, абас ишоуп, – иҳәеит,
Џьара имырхәагоуп, џьара иԥшоуп, – иҳәеит.
Адунеи, дад, абас ишоуп, – иҳәеит,
Џьара излоуп, дад, џьара иашоуп, – иҳәеит.
Адунеи зегь, дад, иуаароуп, – иҳәеит,
Адунеи аҿы иҟоу, дад, ҿароуп, – иҳәеит.
Уахьынӡаҟоу, дад, қәԥароуп, – иҳәеит.
Уанаҵахагьы, дад, цәгьароуп, – иҳәеит.
САНЫԤСЛАК АШЬҬАХЬ
Хымԥада, хыҵакырҭада сӷарӡан сыԥсышт,
Ма споезиала сбеиан сынхап.
Саныԥслак – шәысхагыланы аҳалалгьы сышәҭ,
Ажәа иҳараку шәымҳәан –
Сатәазымбоз ргәы ннархап…
Сеишәа иқәшәыргыла аҵәца азна аҩы,
Зыхә мариаӡоу ҭаҭынкгьы амца сзашәыркы.
Сқьашана ианышәҵа:
«Ашәаҳәаҩ, агәыбылҩы…
Аамҭак икыднаҟьаз, иццышәхаз ибылны…
Иццышәхаз, аха ашьҭахь иҭалаз зыԥсы,
Аҵәыуара зхашҭны зыбла чча-ччаз абра.
Амҩаҿ аԥҳәызба илхызԥааз акасы,
Изцәымӡакәа измаз аҿара…
Зыԥсадгьыл агәҭыхақәа згәаҵа иҭашыз…
Ааԥын азышәаҳәаҩ, –
Уи ашәҭра иазыԥшыз…»
Таиф Аџьба
1939–?
АԤСНЫ АГИМН
Иҭбаауп адунеи, иҭбааӡоуп,
Иагьбеиоуп, иагьыԥшӡоуп зқьыхкыла.
Аԥсадгьыл атәы даҽакӡоуп –
Уи ауп зегь иреиӷьу атәыла.
Ишәҭуаз анцәа иишаз Аԥсны
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарԥхоз иахьӡаны
Иԥшьоу ахақәиҭра лашара!
Уи ахьӡ-ԥшеи фырхаҵареи згым,
Зықьнашықәса иааирала ицаша!
Бираҟҵас ишьҭыхны ԥсра зқәым –
Ԥхьаҟа, ԥхьаҟа инагала уиаша!
Ишәҭуаз анцәа иишаз Аԥсны
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарԥхоз иахьӡаны
Иԥшьоу ахақәиҭра лашара!
Иахьӡоит изызшоу аразҟы
Ахачҳара змоу Аԥсынтәыла,
Аԥсуара иарԥшӡоит зегьы,
Иарҭәуеит абри адгьыл ҵакыла.
Ишәҭуаз анцәа иишаз Аԥсны
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарԥхоз иахьӡаны
Иԥшьоу ахақәиҭра лашара!
АԤСУАШӘА
Уа радари, рада гәышьа,
Иаҳхаагахьоу шьардагәышьоуп.
Иаҳхаагахьоу ҳашьҭагәышьам,
Аринахыс ҳшаҭагәышьа.
Уа радари, рада гәышьа,
Ма ҳқьиара гәаҭагәышьа,
Уа ҳаԥсуара, ҳашьҭра мыӡуа,
Иахьынӡауа ҳажәла шьҭыҵуа.
Уа радари, рада рҳәама,
Дгьыли жәҩани рылԥха ҳама,
Ҷкәыни ӡӷаби еидҽырбало,
Хаҵеи ԥҳәыси рҳәоу еинаало…
Уа радари, ҳҵеира иацло,
Уа ҳшәарҭамхо ԥашәла-дацла,
Ианҳалымшо уа иҳахьӡаша,
Иааҳамданы ԥхьаҟа изгаша.
Уа радари, ҳгәыӷра ҳамжьо,
Иҳашьҭалан иааиуа ԥхамшьо:
Уа, ҳаламыс, ҳҵабырг – ҳиаша –
Изхарҳаша, изыздырҳаша.
Уа радари, ҳашәа ԥымҵәо,
Уа радари, ҳамца ҿымцәо,
Уа, радагьа, рада гәышьа,
Еиҭаҳәашьак ҳаҭагәышьа!..
АМРА ССИРУП АҬАШӘАМҬАЗ
Амра ссируп аҭашәамҭаз,
Абла ахьышәахәа ҭыԥхоит.
Аҭашәамҭаз, аҭашәамҭаз
Амра акалашәа игәыкхоит.
Имариоума зегь рзыҳәа
Иахьа хәлаанӡа абылра?
Имариоума нас ашьшьыҳәа
Зегь ааныжьны ацара?
Аха гәыҩбарак анымкәа
Игәыбзыӷыуп ахаҿы,
Игәазырҳагазҭгьы уажәынӡа –
Игәыҿкаагаӡоуп уажәы…
Зымҩа нҵәода, ас изцода,
Зынӡа хьаас иҟамҵа?
Ас анышәара зылшода
Абри аҩыза алахьынҵа?
Амра ссируп аҭашәамҭаз,
Абла ахьышәахәа ҭыԥхоит.
Аҭашәамҭаз, аҭашәамҭаз
Амра акалашәа игәыкхоит!..
Витали Амаршьан
1941
АМРА АНҬАШӘОЗ...
Амра анҭашәоз, сыԥсы ацҭашәарцаз,
Маҷк иааҭгылан исзыԥшит.
Сыԥсҭазаара зынӡа ишшәарҭаз,
Сцәа ианырын – сааилашит!..
Мап ацәыскит амра ацамҭаз,
Изулакгьы сҽынсырхеит.
Нас дырҩегьых ҿыц ашамҭаз,
Амра ангыла иаасҿаҷҷеит.
«Адунеи хҭылҵда иқәухуазеи,
Дыҟаӡамкәа уԥа гәлымҵәах!» –
Хгашьа змам аҽԥныҳәа снаҭеит,
Схы-сгәы салнарԥшит еиҭах!
Ус дырҩегьых саргәыбзыӷит,
Сгәыднакылеит сԥа ицымхәрас.
Еимгеимцарак схьаа еихсыӷьит,
Амра сеигәырӷьеит хәыҷҵас!
Иахьцоз сашьҭалт нас сымԥшыкәа,
Сацҭашәацәҟьарц ианҭашәо.
Аха дырҩегьых са смышьҭыкәа,
Наҟ инӡаалт еикәаԥхо.
«0, Анцәа ду! Ахьышьаргәыҵа!
Изсуҭазеи лахьынҵас –
Сеилаҳауа адунеи аԥырҵра,
Ԥырҵшьагь сымамкәа зынӡас!» –
Ас сыгәжәажәо сшылакҩакуаз,
Шьарда аамҭа наскьеит,
Аҵх дуӡӡагьы сшыгәаҟҵәаҟуаз,
Ҿыц иҟьаҟьаӡа иаашеит.
Ишгылалац еиԥш амра ангыла,
Сеиҭаԥылеит уи ҩаԥхьа.
Сеиҭагәыднакылт гәыблыла,
Сеиҭаннажьит хәылбыҽха.
Шьҭа ес-шаргьы ҳаикәшалароуп,
Сԥа сахьишьҭоу изҿыҭуа.
Ес-иԥслакгьы ҳрыцыԥслароуп,
Ҳрыцилароуп ес-ииуа!
АӠӘК ДЫШӘҨЫКЫН...
Аӡәк дышәҩыкын ҳара ҳзыҳәа,
Шәҩык – зқьҩыкын ҳара ҳзы.
Уараид-игәышьа, уараид-имыхәа,
Ҳакәыхшароуп урҭ рыԥсы!..
Иаҳаурызеи, ҳақәшәагәышьеит,
Аха иаҳзымхьчаз рацәаҩуп.
Ҳгәаҵәажәпара иахҟьагәышьеит,
Аҭоурых шаҳаҭуп – сшәаџьҳәаҩуп!
Наҟ ҳаԥхьаҟа зқьышқәса царгьы,
Сыбжьы мнаҩыр ҟалаӡом.
Амҩа сықәуп ишаргьы, ихәларгьы, –
Зегь рыӡбахә мҳәакәа сызхынҳәӡом!
Исымагәышьам уаҳа ԥсыхәа,
Сынҭгыла-ааҭгылауа, хрыжь-хрыжь,
Дасу ифырхаҵара, ихы-иҵыхәа,
Расҳәалароуп – гәашәк аанмыжь!..
Аӡәк дышәҩыкын ҳара ҳзыҳәа,
Шәҩык – зқьҩыкын ҳара ҳзы.
Уараид-игәышьа, уараид-имыхәа,
Ҳакәыхшароуп урҭ рыԥсы!..
АҞӘА
– Ари са соуп... абар, субома?
О, Аҟәа, Аҟәа – ари са соуп!
Иузхаҵома, агәра узгома,
Сыҩны сахыларц сгәы иҭоуп!..
Санцоз исыцыз сыҷкәын дсыцым,
Ихы ухҭниҵеит уара уԥа!
Адунеи азыҳәан ари ҿыцым –
Адгьыл иқәсхьеит иага цәқәырԥа!
Аха са сзыҳәа иуаӷеимшхароуп,
Џьаҳанымуп, илашьцоуп!..
Уи саиааины сеиҭалашароуп,
Аԥсны саҵеизар – ус сыхәҭоуп!..
Ҳзықәшәаз ҳақәшәеит, ҳгәы ҳаԥсахып,
Аҳаҳаи амарџьақәа, умшәан!
Ҳиааира дуӡӡа аӷа ибла ҭнахып,
Бжьрабжьҵәа дашьҭып – уи амишәан!
Абылра ҳалҵны ҳа ҳҩеидасып,
Ҿыц ҳанылап адунеи...
Бзанҵы ишмыӡуа зегь рлымҳа иҭасып,
Аԥсны жәлари Аԥсынреи!..
О, Аҟәа, Аҟәа, уара уџьанаҭуп,
Удырхәашазааит иагагьы!
Уара ҳшьам-дгьыл уаҳҭны-қалақьуп,
Шаҳаҭс думоуп анцәагьы!..
Уара иудыруеит узыԥсахыз,
Аӷа уизҭаз уишьаҟьарц!
Ушәҭ блахкыга знапы иҿнахыз,
Ахаан уаҳа умӷьацарц!
Уара иудыруеит иухҭысыз,
Изакә гәаҟроу узлаԥшыз.
Изакә шҳаму уцәа иакьысыз,
Изакә гәымхоу узҟьашьыз!
Урҭ дамыӷны аҭоурых ианылап,
Ӡы иазымӡәӡәаӡо иаанхап!
Уара ухәрақәа еинылап,
Уара уцәҟьарсҭақәа ҳарӷьап!..
– Иҭабуп, о, сыҷкәын... иуҳәаз ажәа –
Даара гәахәас иҟасҵоит!..
Салацәажәом сахьынӡагәжәажәаз,
Уи шьарда аамҭа сцәагоит...
Акызаҵәыкоуп сызлашәыҳәо,
О, сыҷкәынцәа – сеиқәзырхаз!
Акызаҵәыкоуп сызлашәыҳәо,
Зегьы исызрашәҳәа сыбжьы змаҳаз:
Шәгәы шәмырҭынчын иаҳгеит ҳәа аиааира,
Егры дырҳцеит ҳәа ҳаӷа!
Шәгәы шәҽанызааит, дад, есааира,
Уажәоуп ианшәарҭоу зегь еиҳа!
Макьана шәалоуп арҩышьыга,
Ҽеила иҟаҵәҟьоу жәбаӡом!
Абираҟ кнашәҳазаргь ихәныга,
Уи ала аибашьра нҵәаӡом!..
Шәхы шәаиааироуп зегь шәеидгыла,
Аӷа шәшииааиз еиҳаны!..
Иҭахоит, ижәдыруаз, Аԥсынтәыла,
Аԥсымҭәра шәылалар иҿкны!
Иҭахаз аҵеицәа ргәхьаа мкыкәа,
Дасу дашьҭалар ихы,
Иҵысыр алшоит, дук мырҵыкәа,
Иара ҳадгьыл агәы ԥжәаны!
Имцурамхои усҟан баша,
Ахақәиҭра ҳәа ҳзышьҭаз.
Шәа шәоуп дырҩегьых иалзмыршаша,
Шәа шәоуп игылаша ҭынхас!
Заур Быҭәба
1942
АМАРИАЛ АԤАЦӘА АФОИТ
Иамоуп амариал убри еиԥш аҵас:
Иафоит иариуа аԥацәа шахшаз.
Аха акы-ҩба азымккәа азқәахь иацәцоит,
Уа иқәлан иқәтәоит, уа иӷәӷәахоит,
Ҽнакала рҽеибырҭоит, нас, рыҽӡаны ицоит...
– Шәыԥшишь, ижәбома, исхылҵыз сԥацәа,
Иаразнак, ҽназаҵәыкала ишрызҳа!
Убас иааӡарҭоуп сыбӷа ахаҭа! –
Иаҿын амариал абас аҳәара,
Аҟәаҟә иацәықәлан иеиқәхаз аԥацәа
Азымфаӡакәа хара ианацәца...
***
Аԥсҭҳәа аныхчыла амра арӡит –
ԥшоуп изхаро,
Аӡынра анааи абӷьқәа арӡит, –
хьҭоуп изхаро.
Аӡыхь анырҟьашь ашьҭа арӡит, –
ҳәоуп изхаро,
Дуаҩны дшыҟаз иуаҩра ирӡит, –
ҩуп изхаро!..
***
Амжәа шгылаз иҵыҩрит иажәын, иааԥсан, –
Аџьма игәаҭан, иакәшан, иқәлан ирфауан.
Аха амитә иақәшәаҵәҟьаз ажыц ауп абра,
Амжәа ишақәыз ианкаҳа ҵаҟа...
Ишԥарыԥсыхәо ажыцқәа, – ажыцқәа џьоукы,
Абас изқәу рыҵлақәа андәықәла хланҵы?
Валери Касланӡиа
1943
АИНИАРА
Ах, аҭыԥҳа ссир, беинаалоуп рацәа,
Сгәы ҭрысуеит сылаԥш набхьысыр.
Аиашаз, быҟоуп бишазшәа Анцәа,
Сыблып ба бӡамҩа снакьысыр.
Ааигәанӡа бабаҟаз, наҟӡоу џьара,
Ма иаалырҟьан ас ибызҳама!?
Иҳәа нас, иббаз, бгәы шахәаз ара,
Са саԥхьа ҽа ҩызак дбырҳама?
Иарбан, исаҳәа иану слахьынҵа,
Изцозеи бӡамҩақәа ҭыҵны?
Сшоума снасыԥдан, ма сныҳәоу зынӡа?
Ихасҵоит ҳшыҟаз ҳаицәыӡны…
ЗНЫМЗАР ЗНЫ
Сыԥхыӡ далҵхьан, ҳа ҳаицәыӡхьан,
Исыздыруамызт лхабар,
Сқәыԥшра хыхны сыԥсы иалаз,
Ҳаиниеит лакәҵас ҩаԥхьа абар!
Ҳа ҳнеилаҵәеит жәада, хаала.
Ас ҳаизааигәаны ҳҟамлац…
Лара дқәыԥшуп, сара сқәыԥшуп,
Қәыԥшроуп, уаҳа ҽак ҳамбац…
Ацәа салҵит сқәыԥшра шсымаз,
Иауам, сзалҵуам са сыԥхыӡ.
Сара усҟан убас сраҳаҭын,
Гәҩарак сауаанӡоуп дшысцәыӡ.
Зегь акоуп, са сиарҭа сҽылак,
Сгәалаҟара анарх згоит.
Насыԥ бымаз, ԥхыӡ исҭааз,
Знымзар зны саргьы сыббоит.
ҲАИҚӘШӘАРА АЛАМҬАЛАЗ
Икыдҵәан илеиуеит ақәа,
Са сныҳәоуп уи аныхкәа.
Асааҭгьы сылаԥш ахуп,
Уи маҷк имласыргьы сҭахуп.
Сгәыӷра наскьазгоит сацәшәо,
Макьаназ идырым ҳаиқәшәо.
Амҩақәа кәароуп, избоит.
Ла ҟьалак ӡхыҵырц иӡсоит.
Мап, сара амшынгьы сацәшәом,
Ӡхыҵрак ҟаларгьы сазгом.
Мчы ӷәӷәак ба бахь сыхнаҵоит,
Хымԥада сыгәҭыха наӡоит.
Иабаҟоу, иаҳәозеи асааҭ?
Ԥсгахак, иауазар, иҳаҭ.
Иааԥсазшәа илеиуеит ақәа,
Са сныҳәоуп шьҭа ианыхкәа.
Рауль Лашәриа
1945
АԤСУА ИДА АӠӘГЬЫ ДСЫЗДЫРӠОМ
Дсыздырӡом Абзыԥуа,
Дсыздырӡом Абжьыуа
Исыргаӡом сыбжьы уа,
Издыруа аӡә иоуп,
Сара сзыҳәан дынцәоуп:
Аԥсуа хаҵа,
Агәеицамк,
Аԥсуа хаҵа, –
Афырхаҵа, –
Згәы хәашьым,
Згәы ҟьашьым.
Исыргаӡом сыбжьы уа,
Сцоит мҩак сыбжьыууаа,
Сырхашҭзаргьы абжьыуаа,
Сгәы нхом уи азы.
Сырхашҭма абзыԥқәа,
Сҭаршәын урҭ рыкәа
Абжьыуагь дсыздырӡом,
Дыздыруеит иаԥсыуоу,
Сзыхгәаҟуа, исыуоу,
Уи иоуп сызҭаху,
Сџьынџь иаҭаху!
Абжьыуареи абзыԥреи
Жьи-наԥхыци – схыбреи,
Саџьал наҟ сахшәырԥеи.
Шәара ишәеиӷьу избеи.
Сара исеиӷьу ижәбеи.
Абжьыуареи Абзыԥреи
Изцу схьааи сымшреи.
Дсыздыруам Абзыԥуа,
Дсыздыруам Абжьыуа...
Исыргаӡом сыбжьы уа,
Сзықәгәыӷуа аӡә иоуп,
Сара сзын дынцәоуп,
Иабзыԥуа абжьыуоу
Аԥсуа хаҵа, Афырхаҵа.
АШӘҬЫШԤШӠА
Сышнеиуаз амҩан, сгәысҽанӡамкәа
Иԥшқарахӡа шәҭышк насԥылт,
Адацқәа ӡык рхьыкәкәон, имҩацкәа,
Рцәыкәбараҿ шьхыц рыцҳак хыԥсылт.
Ах, ишԥамуеи, ҭымыҭшәарак,
Сызҭымҵуа аҽнышьыбжьон сҭахеит.
Сара исмоурцаз гәыхшәарак,
Сышәҭыш, ҩаԥхьа ухьӡ сҿашәеит.
Адунеи самкуа, адунеи уамкуа,
Ҳзеибамдырӡо ҳарҭ зынӡа,
Схы уҭаӡамкәа, сгәы уҭаӡамкәа,
Ҳаиԥызгалазеи шьыжьӡа.
Схы збоит аԥсҭазаараҿ ссасымшәа
Сшанугьы амҩа са сзаҵәӡа.
Сҟамларц баша ицәажәо аԥсышәан,
Сышәҭыш, умч лаша схьыгӡа...
Сышнеиуаз амҩан шәҭышк исԥылаз,
Убас аԥшӡара сгәаԥхеит,
Иеизыкәкәеит доуҳамчс исылаз,
Ҳаибадырырцгьы сҭаххеит.
Сышәҭыш сазҵааит: «Уабатәида,
Усԥызгалазеи укаҷҷо?
Аӡәгьы дзыҟами са сыда,
Узшаҭо, уԥшӡара зыхьчо?»
Аҭак снаҭомызт са сышәҭыш,
Ашәак азҳәомызт игәаӷьны
Аныҿнамҭ исҳәеит: «Са сымыш,
Ажәак сызуаҳәаӡом иаӷьны.»
Избоит, ибжьаӡуеит шьҭа адацра,
Ҽаҩра ҿыцк џьоукы ирыҟәшәоит,
Ашәҭыш, иалиааз зны ауацра,
Иауам, ахы ԥханашьоит.
АМБА ШЬАҞА
Амба шьаҟа гәыдикылоит
Аешьа дызмам.
Дшазыԥшӡам ԥсынкәак иԥылоит,
Имыцҳаргьы ауам.
Амба шьаҟа гәыдызкыло
Усҵәҟьа ирацәаҩӡам.
Сашьа иоуп сдоуҳа иаԥыло,
Уи дычмазаҩӡам.
...Амба шьаҟа гәыдыскылон
Шьыжьык, ҿымҭ, схаҭа.
Ԥсыуа шьхыц хәыҷык сыдыԥсылон
Еилнакаарц сгәаҭа.
Ажьаҳәеи нас аԥсынгьарии
Ррыҭәа сыбжьакуп.
Аԥсҭазаараҿ – ании арии
Еилсыргарц саҿуп.
Амба шьаҟа гәыдыскылоит
Исыԥсҭазааран, бзиа иба.
Амц сымжьакәа сыздызкыло,
Сымба, сымба ԥшӡа, уҽырба.
Белла Барцыц
1945
АԤСУА АН ЛНАПҚӘА
Аԥсны анацәа – аԥсуа нбанқәа,
Нбан-нбанла рҳақ шәатәуп.
Аԥсны иахҭысхьоу нбан-нбанла,
Рнапқәа рызқәаҿ иҭҵаатәуп.
Ршьа зхьыршам хаҳәык уԥылом,
Изеиԥшу уасҳәап – аџыр хырҭәа,
Уццышә каԥсо убла ихылом,
Шьалҵас иукәшоит рнапқәа.
Ҳажәҩан еиԥш рнапқәа хыԥшами,
Иҳалалуп рыблақәа реиԥш.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аԥсуа поезиа - 6
- Büleklär
- Аԥсуа поезиа - 1Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3158Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21790.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа поезиа - 2Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3304Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа поезиа - 3Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3236Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа поезиа - 4Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3062Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22180.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа поезиа - 5Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3190Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21180.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа поезиа - 6Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3078Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа поезиа - 7Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1705Unikal süzlärneñ gomumi sanı 13100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.