Latin

Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 19

Süzlärneñ gomumi sanı 3369
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1915
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
– Сара убри шәпалитика даара усс исымо џьушьома, аха
аҧсуаа рыӡбахә ануасҳәо, ухәы-ужьы гылоит, убысҟан [уҧаҵа]
асара сзымариахоит, – ҳәа иеиҳәеит.
254. «Ихы абаҟоу?»
Аибашьра цот, амца акуеит: аҷкәынцәа шьоукы ақырҭцәа
итҟәаны иргеит, шьоукы шьны иааргот.
Қырҭуак дышьны дааргеит ихы хҵәаны. Дыжтәуп. Усҟан
ҳгәылацәа агырцәагь мцаӡацызт, иалахан иҟан. Иҿы акуа,
Арқаниа, трақтористк дрыҧшаан, даҽа гыруакгьы даарган,
анышә ддыржит. Анышә дарҭеит, ари ақырҭуа иршьыз.
Убри аҽны ҳаҷкәынцәа ҩыџьа аплен иақәшәеит. Кәтол дышжыз еилыркаит ани ақырҭуа.
– Ҩыџьа абзацәа кны иҳамоп, ишәаҳҭот, ақырҭуа иҧсыбаҩ
ҳашәҭозар! – рҳәеит ақырҭцәа.
Нас, ҩыџьа абзацәа ҳарҭозар, ари ижу дышҧарырымҭо!
Деиҭааргеит ани Арқаниа. Далагеит ажра. Ақырҭуа ихәамц
ааган ара иаақәиҵеит.
– Давай копай, голову надо! – рҳәеит аҷкәынцәа.
– Голова нету! – иҳәеит.
– Как нету, ты же закапывал?! – рҳәеит.
– Голова имел бы, сиуда воевать не приехал бы! – иҳәеит
агыруа.
255. Шеварнаӡеи китаиааи еибырҳәаз
Шеварнаӡе Аҧсны аибашьра даҵахошәа аниба, ацхыраара
азыҳәан Китаи дцеит. Китаи дахьнеиз, – Едуард Амвросиевич,
узыргәамҵуазеи? – ҳәа ианиазҵаа, – Ацхыраара сҭахуп, аибашьра саҿуп, – иҳәеит. – Узеибашьуада?
– Аҧсуаа срабашьуеит!
– Шаҟа миллионҩык ыҟои аҧсуаа?
– Шәнызқьҩык.

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

– Шәнызқьҩык ыҟазар, цхыраарас иуҭахузеи! – рҳәеит.
– Иарбан сасааирҭоу аҧсуаа зыҩноу ҳаҳә, араантәи ҳара уи
асасааирҭа ықәаагот, нас аҧсуаагь нымҵәеи! – рҳәеит китаиаа
256. Цагьераа «рпушка»
Абра, Лабра ахәаҟны, иаҳзықәгылан абзарбзан. Цагьераҟа
ахы рханы ҳамхысуази, – Абарҭ закә бџьарузеи ирымоу, иш­
ҧаҟаҵоу абри? – ҳәа ақырҭқәа џьшьахәыс иркит.
Реиҳабы нахьхьи ахәы дықәгылан бинокльла дыҧшит,
игәеиҭеит. Дааин иҩызцәа рҿы, – Ме вици ес раарис1, – иҳәеит
қырҭ бызшәала. – Шәаала, аган хәархь шьҭышәх! – иҳәан, амҿы
злахырҵәоз ахәархь аашьҭырхит.
Цагьера аган ахь аџьқәа гылоуп, џь-гәаҩа-дуӡӡак аарыҧшаан, ирыман иааит. Ахәшә дара ирымажьымзи, аҟәақҳәа
инҭарыжьуа, инҭарыжьуа – ирбаз хаҳә-мҿыхә зегь лахажьны
иҟарҵеит. Лаба дук идыркит аӡәы абамба ахаҵаны. Цагьера
ахацәа зегь уа иадгылоуп. Егьи ркомандир абинокль ала дыҧ­
шуеит Лабраҟа.
– Дачхьыр!2 – иҳәеит.
Алаба ду зкыз, абамба абензин иӡааишьын, амца аиркит.
Инаган «рпушка» ианақәик аамҭазыҳәан, агәақьҳәа ианыҧжәа,
иаагылаз рыуа-ркәыкәыл ыҟаӡамкәа иннарҵәеит.
– Хо-хо-хо-хо! Ари ариаҟара ара иҟанаҵазар, нахьхьи аҧсуаа
иахьрылаҳаз иагьаҩ ннарҵәеит! – иҳәеит ркомандир.
257. Цибеи СУ-қәеи
Ақырҭқәа уажәы-уажәы ҳаирпланла абомбақәа ҳаларыжьуан
қәтолаа. Циба Какалиа дахьынхоз иамариашан акәын абарҭ
СУ ҳәа изышьҭоу аҳаирпланқәа шаауаз. Ахсалба Рыжик
рыцҳа дышьны даныкҿаз (Циба игәылароуп ари), аҧсраҟны
ҳшыҟаз иааҳхалан, иаҳхысны ицеит СУ-қәа ҩба. «Уара, абарҭ
ҳара иаҳтәхарымашь-егьирымашь, ҳара иҳахәо кыр ҟалома,
анаџьалбеит?» ҳәа ҳалақәа ҭызза ҳахәаҧшуеит. Ус, иакәшан
аҩбагь ихынҳәны ианааиуаз, оо, илаишьҭит, аха илаишьҭит,
Еилыскааит сара уи закәыз.
Иаҿашәырс.

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

аха!.. Ауаа рацәашәа имбеи, амашьынақәагь гыламзи, «аштаб
ҳәа крыҟазар аброуп» ҳәоуп ишдәықәырҵаз. Алиошьа Какалиа
иҩни Циба Какалиа иҩни иҩрыбжьаҳан, ҩын дук ҭагыло иажит,
аӡы ааит уа. Алиоша имаҭацәа ҩыџьа аҩны иҩнатәан. Аҩны
аҵҟьага ҩарықәҳан, иакит. Акагь рмыхьӡеит ахәыҷқәа, Анцәа
имчала. Егьырҭ зегьы-зегь ҳацҟьаны адәы ҳдәықәыжьлан –
ҳақәиеит. Абомбақәа уа адагь, ҳаҩны ашьҭахь иҭарыжьит, нахьхьи Алик Амҷба иҩны икарыжьит. Ицеит усҟан СУ-қәа.
Мчыбжьык-ҩымчыбжь рышьҭахь еиҭадәықәлеит Су-қәа
убри амаршрут ала. Еиҭакажьны ицеит.
Уажәшьҭа, ахҧатәи аан, еиҭа устәи ала рҿаархеит.
– Ажрахь, ажрахь шәҽышәҵәах, шәхы ҧхьашәк! – ҳәа
ауаа еибарсны ианындәықәла, Циба Какалиа дахьгылаз, –
Шәымшәан, шәымшәан, ҳа ҳтәқәа роп, ҳа ҳтәқәа! – ҳәа инапы
иҟьо далагеит.
– Иалудыраауеи уара ҳара ишаҳтәу, ҧыхьа убыс уҳәан,
ҳаннарҵәеит! – рҳәеит уа иҟаз.
– Уара, убри ақырҭуа иҳаирплан акәзар са сҟын
даадымгылакәа дцомызт. Ари, арахь дмааиӡеит, ус акәзар, ҳа
иаҳтәуп! – иҳәеит Циба.
258. Мамсыр «иҧш» ҟарҟарит
Аҧсуаа Кәачара анҭадырцәы ашьҭахь, ари ақыҭа амарадиорцәа асит: акәты, аҳәа, ахчы, акаруаҭ уҳәа – ажәлар
ақырҭуа имал иаҵалеит. Ухаҵоуп, иаанкыл! Аҷкәынцәааибашьцәа иҵысыз аҕьыч-қәычра ааныркыларц иақәыркит.
Иаалаган Кәачара акомендатура ҟарҵеит, зинда Кәачара алалара ҟамло ҳәа азырыҧхьаӡет. Амала ихдырҵәаз аҧсуаа – тамшьаа, кындҕаа, аҭараа – азин рырҭеит аҧш агара.
Мамсыр захьӡыз Кындыҕтәи ҧсыуа хаҵак, знахандеи
ақырҭқәа идырҕәыҵәыз, иҭаацәа ирҿеиҵо имамкәа дықәхазар
акәхап, «џьара ҧшык соуазар» ҳәа иааҵәа шьҭыхны дцеит
Кәачара.
Дахьнеиз, деимдеит, деимдеит, аха ацақәа зегь ҭацәын,
ма иблын. Аҧш имоугәышьеит Мамсыр, амарадиорцәа рхы
иахәахьан. «Ак шьҭымхкәа сышҧацо» иҳәан Мамсыр, хәбаҟа-

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

фбаҟа атрафеи кәытқәа днарзыҭрысын, игәыҭҟьа-ҧсыҭҟьаха
иҟаз акәытқәа лкагәаны иааникылан, иааҵәа иҭаҵаны иҿааихеит. Амҩан акәытқәа дрыҵазза дырбар – ахамшҭыхә, уигь
хьымӡҕишьахуеит.
Дшааиуаз, акомендатураа иҧаҳалеит.
– Ари узҵо закәи? – ҿаарҭит акоминдатураа, акәытқәа
рыҟарҟарбжьы раҳауеит, ааҵәа иахьҭатәоу.
– Иаҳфо ҳамам, аҧш саҵоуп! – иҳәеит Мамсыр.
– Иашәиу-шәииу, аҧшгьы аҟарҟарра иаламгеи уара, аибашьра уҳәеит ҳәа, иамырҿио ҳәа акгьы ыҟамзаап! – рҳәан,
аибашьцәа еибарччо Мамсыр инаидҵны ицеит.
259. «Уан» зысҳәо, схазоуп…
Сааԥшуазаргьы, сыла ихгылоу, сыцәазаргьы, сыԥхыӡ иалоу,
аԥсуаа ҳгәадура, ҳаҷкәын, Славик [Арӡынба], уан дукәхшоуп.
Уан зысҳәо, схазоуп.
Уара уанқәыԥшыз аахыс ужәлар рҭоурых аҭҵаара уашьҭан,
атымитыша ҳанхықәгылагьы, ҳҿахәы зҳәаз уара уакәхеит.
Ухы ахьноумгашаз анагара ануқәшәазгьы ҟалеит, аха «ахаҵа
дызқәымшәо ҳәа акгьы ыҟам» ҳәа рҳәоит. Анцәа иџьшьаны,
ианахәҭаз, иахәҭаз ажәа уҳәон, уи алҵшәагьы аман, узықәшәаз
уаиааины, хьыӡла-ԥшала уалҵит.
Хәыҷгьы-дугьы угәра ҳгон, ҳгәы ҭынчын уара узы, умилаҭ
ирԥырхагахаша шьаҿак ахааназы ишыҟоумҵоз аадыруан.
Идырны иуымаз, сыҷкәын, убри аамҭа цәгьа аан згәы узыбылуаз, шамахамзар, зегьы уажәгьы убасҵәҟьоуп ишузыҟоу.
Ухы ақәҵа, уԥсы ақәҵа, угәабзеира ақәҵа, иааулшоз зегьы ҟауҵеит, адунеи ҳалоумырӡит. Зыԥсқәа рыҵаҟа сыԥсы
ҟалаша ҳаҷкәынцәа угәра рган, инаувагылан, зегьы шәымчала,
Анцәа ду ицхыраарала, ҳабӷа еиҵыхны ҳаԥсадгьыл Аԥсны
ҳнықәлеит. Адунеи зегьы идеилшәыркааит, ус изҭаху, ианиҭаху,
дынҳагәҭасыр шамуаз. Уажәшьҭа аус злоу – ишьҭоуҵаз ауасхыр
хшыҩла аихаҳароуп. Уигьы уара улаԥш ахызароуп.
Нан, Славик, иухыугақәаз рышьҭахь, угәы ԥшқацәахазар ҳәа
сҳәоит. Иахьагьы хьаас ишьҭухша аумаҷху…

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

Уеилымкаакәа ицәажәо, заҩсҭаахә дызԥырхаго аӡә дыҟазар,
ичҳаны уааиԥеиԥш. Доусы итәы Анцәа ибоит, уара иучаԥаз аус
иаӷрагыло, егьарааны дыҟазаргьы, иқәнага дақәымшәар ауӡом.
Сара, ҩынҩажәа шықәса инарзынаԥшуа аиҵбыратә классқәа
рҿы аус зухьоу арҵаҩ бырг, ианакәзаалак ауаҩы уаҩҵас
ихы мҩаԥигозар сҭахуп, убри акәын еиҳараӡакгьы сҵаҩцәа
ирыласааӡоз. Уанаԥсыуаха – ууаҩызароуп. Уи еиҳау акгьы
ыҟаӡам. Аԥсуаҵас иааӡоу ауаҩы – иуаҩрам, иламысдароу акгьы
ихы иақәнаиргаӡом, иажәеи иуси еиқәшәоит. Абас иҟоу ауаа
роуп ҳара ҳҭызго. Абас уҟан, уагьыҟоуп уара иахьагьы.
Сара Анцәа дысҭаахьеит, аибашьра хаҵарыла ушалҵуаз
сынашана иснарбахьан. Есышьжьымҭан, ашара ҳзырбаз
Анцәа иҭабуп ҳәа аниасҳәо, Аԥсны санақәныҳәо, схәыҷқәа
санрықәныҳәо, раԥхьа уара ухьӡ сҳәоит. Сазыразны абас
ҟасҵалоит сыԥсы ахьынӡаҭоу.
Уажәгьы, уира амш удныҳәало, сара сшамкәа сызшаз,
зхьышьаргәыҵа сакәхшоу, иаҳхылаԥшхәу сиҳәоит, мчы змоу
зегьы срыҳәоит, агәабзиара уманы, уара угәы ишаҭаху еиԥш,
ухы зқәуҵаз ажәлар рыгәҭа унагыларазы!
260. Иссиру ахҭыс
Сентиабр 30 рзы 21 шықәса ҵит аибашьраҿ аиааира
ҳгеижьҭеи. Иахьа иҳамоу ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ус баша
иаҳмоуӡеит. Жәашықәсала аԥсуа патриотцәа рықәԥара ауп ари
аԥсҭазаара лаша ҳазҭаз.
1917 шықәсаазы ареволиуционерцәа Петербургтәи Аӡынтә
хан (Зимни дворец) ргеит. 57 шықәса ааҵхьан ауп аԥсуаа 1967
шықәсазы Аԥхынтә театр (афилармониа) анаҳгаз. Ап-рель
5 инаркны 12-нӡа аҩныҵҟагьы адәахьгьы зықьҩыла иакәшан итәан ҳауаажәлар. Еиҳараӡак аҿар ракәын, усҟантәи
астудентцәа ҳаилазаара ӷәӷәан. Ақыҭауаа, ақалақь аҿы инхоз
аԥсуаа, аинетллигенциа зҭыԥқәа ирцәымшәоз, зегьы аӡәк еиԥш
ҳгылан. Мчылатәи ақәԥарахь ҳхы кыдмызт, аха иамуӡаргьы
ҳхы ҳаигӡомызт. Аԥсуаа ақәԥара ианадамха, рхәы ахаангьы
идырӡуамызт. Аа-мшы иаанкыланы иҳамаз аханаҿ, ахәыцрақәа

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

рацәан. Ажәалагалақәа, аиҳара азҵаара хадарақәаны иҟаз
ақырҭцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа, атопонимика, аекономика,
акадыртә политика уҳәа иҵегьы. 1967 шықәсазтәи ахҭыс ашәҟәыҩҩ Џьума Аҳәба ишәҟәаҿы инарҭбааӡаны иануп, иара убас
аҵарауаҩ Игор Марыхәба иусумҭақәа рҿы иааирԥшит 87-тәи
ашықәсқәа раантәи ҳаиҿагыларақәа ақырҭцәеи ҳареи.
Мчыбжьык инареиҳаны ҳаилатәараҿ ирыӡбеит акомиссиа алырхырц ҳмилаҭ зыргәамҵуа азҵаарақәа иҩны СССР
аиҳабыра рыхьӡала ажәлар рҿаԥхьа ирзаԥхьарц. Акомиссиа иалырхыз ирыдырҵаз шәҟәыла иҩны, идацны ажәлар ирзаԥхьеит,
иргәаԥхеит. Ушьҭа иалхтәын ашәҟәы ирҩыз Москва аиҳабыра
рҟынӡа иназгашаз. Ицоз ацҳаражәҳәаҩцәа рхыԥхьаӡараҿ иара
ашәҟәы зҩыз ԥыҭҩык цар акәын. Ус иагьыҟалеит. Аделегациа алырхит: Шьаҟрыл Ҭамара, Аҳәба Џьумка, Шамба Олег,
Ҟәрасқәуа Валери, Агырба Аазиз, Шларба Асҭана, Марыхәба
Игор, Чамагәуа Ҳараз, Хаџьба Шамил, Шулумба Иван.
Аԥснынтәи аделегациа СССР аиҳабырарахь ицараны
иҟаз хьыӡҳәала дара амҩа иқәлаанӡа КГБ аиҳабыра ирдыруан. Изусҭцәоу ҳәа «аерлык» рыҭаны изхаӡгылатәу уаам
ҳәа агәаанагара роурц азы арантәи адырра ҟаҵан. Уи аҩыза
аԥаршеиқәа зышьҭуаз амчратә усқәа реиҳабацәа ракәын.
Усҟантәи аамҭақәа рзы урҭ амчратә усқәа реиҳабацәа зегьы
қырҭцәан. Иалырхыз аделегациа излацоз, излаауаз, асасааирҭа
аҿы иахьаангылоз ахарџьқәа зегьы ажәлар еилаԥсаны амҩа
иқәырҵеит ажәлар. Афилармониаҿтәи аицәажәарақәа ицоз,
алашәарыцақәа реиԥш, икылԥш-кылӡырҩуа иҳашьҭан ақырҭцәа. «Аҟәа адәыӷба иақәтәар шәарҭоуп» рҳәан, Адлерынӡа
иаҳгарц ҳаӡбеит. хә-машьынак рыла ҳдәықәлеит.
Амҩан изыхьчоз аҷкәынцәа саргьы срылан. Амҩан ҳаишьҭагылан ҳашцоз, иссирыз хҭыск ҳақәшәеит. Усҟан Калдахәара
ашкол-интернат ахьгылоу ала акәын ажәытә мҩа злаҟаз. Ҭамара
лакәын аделегациа еиҳабыс иҟаз, дызҭаз амашьына аԥхьа игылан ицон. Ашкол аԥхьа амҩаду аҿы, аԥхьа ицоз амашьына ааныркылеит хҩык аҳәса. Амашьынақәа зегьы ҳаишьҭагыланы
ҳаангылеит. Аҳәса амашьынақәа аанызкылаз, иааҳакәшан, –

Шәыхьша ҳара иҳахьааит! – рҳәан, аԥхьа игылаз аԥҳәыс лчабра
лыцнапык азна анышә илаԥсаны илкызаарын, инаганы Ҭамара
иналлыркит, – шәахьцо шәахьчоит, шәарманшәалоит, – лҳәан,
амҩа инаныҵит.
Иара абыржәы абриаҟара шықәса шҵхьоугьы схәы-сжьы
қақаӡа игылоит абарҭ аԥсуа ҳәса ссирқәа иҟарҵаз анысгәалашәо.
Адлер инаганы адәыӷба иақәҳартәеит ахәылбыҽха. Иахьцоз
амҩан адәыӷба аҩныҵҟа, иара Москва иҟанаҵ ирхылаԥшуаз
далаҳххьан. Афилармониаҿ ицоз акциақәа ирылахәыз апатриот, ақәԥаҩ аԥелуан Митиа Багаҭелиа дрыццеит, ажәагь ҳаиҭеит
ҳанеиԥырҵуаз авагонаҿ иакәым акы ҳзызуа аӡәыр дҟалар, авагон аҟынтәи дыширшәуа.
Москва ианнеи, арантәи ицаз ҳделегациа аԥсуа ҵарауаҩык
дырԥылан, – Саргьы сшәыцнеиуеит, – ҳәа реиҳәеит.
Аделегациа алахәылацәа дыргәамԥхеит ара ирԥылаз ахҭыгәлаҩ, аха иҽырԥимшьыр имуит. (Аԥснынтәи адҵа иҭаны
дыҟазар акәхарын.) Ҳара ҳҭоурыхаҿ есқьынагь апатриотцәа
шыҟаз еиԥш, ҳмилаҭ ринтересқәа зҭиуазгьы «Комитет спасениа» иалахәыз рҩызцәагь ҳаман. Абна ссирқәа рҿы, ашәарах
ԥшӡақәа ахьамоу, агыгшәыгқәагьы амами! СССР анапхгара
ахьтәаз ус иаармарианы анеира ҟаломызт, насгьы ашәҟәы дара
раԥхьа инеихьаз, аҳәынҭқарра амилаҭ политика еилазго роуп
ҳәа аҳәон. Ажәакала аиҳабыра дуқәа рахь инармышьҭит. ЦК
аҟәша аусзуҩы Василиев идикылеит асасааирҭаҿы акрыфара ҳәа. Иҩналаны акрышырфоз, ҳделегациа ирышьклаԥшуаз
ақырҭцәа уаҟагь иҟазаарын, рааигәара итәаны апровокациа
рылырхырц иалагеит. Митиа дҩагылан днеин, руаӡәк ихы агәҭа
кны, ихы абаҩ анирӷәӷәа, аҷҷаҳәа ақырҭуа ихы абжьы агара ианалага, ԥшьшьала иҩагылан ицеит.
Урҭгьы егьырҭгьы иахьа иабаҟоу… Дара ирызгәаҭомызт,
акәымзар аҩысҭаа дырхыччозаарын. Ҳатәазымбақәоз џьоукы,
егьи амилаҭ Аԥсны аҳра зуаз, ирыхәҭаз иақәшәеит. Ари ҳшьам
дгьыл Анцәа ишҳанеишьахьаз, урҭ ахәашақәа еилкааны ирзымдыруазаарын. Нарҭаа дуқәа рыдгьыл шаҟаҩ ачычахьадаз,

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

иабашьхьадаз, аха еснагь зқьышықәсала еиқәырханы иааргон
урҭ рхылҵшьҭрақәа.
Ажәытәан ҳабдуцәа ирҳәоз ажәаԥҟа ала рхы аадырԥшит
ҳаԥсадгьыл аиқәырхацәа Владислав дзаԥхьагылаз. «Амра уеимаа анаклак, уеимаа ушьапы акуеит» рҳәон. Ҳшьапқәа ҳаимаақәа иркуа аҟынӡа ҳкылыргеит ацәгьахәыццәа, уи иаҳагьы
еиднакылеит ҳауаажәлар, аиааирагь ҳнаргеит.
261. Амш зеиԥшрахо еилызкааз
Ажәытәан аԥсуаа рынхашәа-рчашәа, рылаҵара, раарыхра ус ишабалак иазнеиуамызт. Аамҭа гәаҭаны акәын алаҵара
шаԥшьыргоз.
Ашықәс алагамҭа ҳәа ианырыԥхьаӡоз жьырныҳәа ауха, ианвар 13, иаашар 14 рзы акәын. Ажәытәқәа шықәсыктәи амшеикәшара адырра бзиа рыман (уажәтәи аамҭала иумҳәозар, амш
зеиԥшрахо ҳазҳәо, аҳауагәаҭацәа зхылаԥшуа). Уи инаҷыданы
аԥсҭазаара ԥхьаҟа иахьцаз иабзоураны аинтернет ҟалеит, мызкы аԥхьаҟа аҳауа шыҟало ҳазҳәо.
Аԥсуаа ашықәсан иаарҩарахо, иӡысаамҭахо, ашықәс аԥхьатәи амш ианвар 13 ҳәа иԥхьаӡан. Убри аҽны амш зеиԥшрахо, ианвар мза иатәын. Амза 15 февраль иатәын, убас 12
мшы иазгәарҭон, ашықәстәи амзақәа реиҭасшьа. Ианазгәарҭоз
аҽны амш цәгьазҭгьы, аӡысаамҭа иатәын. Амш бзиазар, амра
иӷәӷәаӡаны иԥхозар, аарҩарахон ҳәа ирыԥхьаӡон. Шьыбжьаанӡа
ибзианы, ашьыбжьышьҭахь мшыцәгьаны иҟалар, лаҵаратәи
амза иатәуп, ибзиоуп ҳәа иазырыԥхьаӡон. Адгьыл ацәаакыра
амоуп, аԥхаррагьы аҵоуп ҳәа иԥхьаӡаны алаҵара иалагон.
Уажәы аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы, алаҵара ианалагатәу
адагьы, ачара дуқәа зурц зҭаху ауаа, заанаҵ Аҟәа иааны,
аҳауагәаҭацәа ирызҵаауеит, амш иалырхыз ачара аҽны ицә­
гьахоу, ибзиахоу аилкааразы.
Убас зны, Аԥснытәи «Агидрометцентр» аиҳабы Леуард Барцыц иҿы дааит иара иҭынхак, ачара зураны иҟаз, ичара амш
азы, амш зеиԥшрахо еиликаарц.
Леуард иҭынха иааиз игәы ҭыӷьӷьаа еиҳәаз, даахәыцхәыцын, ус иҳәеит:

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

– Учара аҽны, ҳара игәаҭаны излаҳамоу ала, амш цәгьахоит.
Аха ус иагьа иҟазаргьы, ԥсыхәак узаҳхәыцып, – ҳәа иаҳәаны,
игәы рыӷәӷәаны, аҩныҟа дишьҭит.
«Сыуа бзиахә ду, Леуард амш бзиа сзыҟаиҵоит» ҳәа, игәра
ганы, игәылацәа иуа-иҭынха, ишаԥу еиԥш, даарыԥхьаны, ачара аҿҳәара аиҭеит. Уи ачараҿы иҟаз иахьагьы илакәшьаны
иалацәажәоит, «уи аҩыза амш бааԥс ҟамлеижьҭеи акрааҵуеит»
ҳәа.
Леуард шаҟа уахь ачарахь дымцарыз. Ихаршә иҭиит, ажәлари
аҳәынҭқарреи рызҵаара ахьырӡбауа еизара дук дшахнагаз ала,
ажәахә нацҵаны. Ҳәара аҭахума, ачарахә изаарҭиит, иагьифеит
даара пату ақәҵаны.
Леуард иажәа агәра ганы ачара зуыз, иахьагьы иҳәалоит: «Ее,
дад, шаҟа счара иаԥырхагахазеи Леуард хазына иҟамзаара» ҳәа.

Ацҵа

Ацҵа
262. Письмо Эдуарду Шеварднадзе
Здравствуй, Эдик! Жив, здоров ли?
Как идут твои дела?
Слышал, жажда тебя власти
Очень сильно подвела.

Уничтожив нас, собрался
Угодить ты прямо в рай.
Из ошибок сделай вывод, –
Наш народ не покорить.
Не тебе рукой кровавой
Нашу жизнь, судьбу вершить.

Потерял ты все, что было, –
Имидж, рейтинг и почет.
И в ООН тебя простят ли?
Совершил ты, друг, просчет.

Эдик, видишь наше знамя?
Видел ты на нем ладонь?
Та ладонь, в кулак сжимаясь,
Превращает все в огонь.

Но оставим то, что было,
Что свершилось, не вернешь.
И послушайся совета –
Может, ты меня поймешь…

Разгораясь, он не знает
Меры мщеня над врагом.
Не один наш враг, наверно,
С этим кулаком знаком.

Ты в Абхазию ворвался,
Вторгся ты в мою Апсны.
Думал, хлебом-солью встретят
Здесь тебя ее сыны?

Ты подумал: мы безродны,
Затоптать ты сможешь нас?
Как ты сильно просчитался:
С нами – Северный Кавказ.

Да, встречаем, кто с душою,
С доброй волей к нам идет,
Тех, кто каждому кавказцу
Счастье, радость в дом несет.
Но пришел ты к нам не с этим,
Ты убийц в Апсны прислал,
Наркоманов, мародеров –
Тех, кто совесть потерял.
Ты прибрать к рукам пытался
Благодатный чудный край,

С нами осетин, чеченец,
Кабардинец и лезгин,
И черкес, адыг, аварец,
С нами брат наш абазин.
Рядом русские, армяне,
Греки – нет числа всем им,
Казаки в поддержку встали.
Я, ты видишь, не один.
Не дадим мы надругаться
Над красой седых вершин,

Ацҵа

Ацҵа

Из Абхазии прогоним
Мы захватчиков грузин.
За черту реки Ингури
Поверни армаду вспять,
Чем садиться снова в лужу,
За переговоры сядь.
Победить нас нету силы,
Это ты пойми, чудак,
И послушайся совета,
Эдик! Ты ведь не дурак!
264. Гимн Кавказа
Вставайте, вставайте, Кавказа сыны!
Нам танки и пушки врагов не страшны.
Свободу добудем в бою мы себе,
И пусть нам Всевышний поможет в беде.
Припев
И с криком «Аллах» мы в атаку пойдем,
Свободу Кавказа в бою обретем.
Родная земля нас вскормила не зря –
Встает над Кавказом свободы заря.
Коль надо кавказцы, то все как один,
За горы родные мы жизнь отдадим.
И веруем мы, что каждый готов
Исполнить заветы ушедших отцов.
«Свобода иль смерть!» – наш девиз боевой,
В защиту свободы мы встанем горой.
Кинжалов страшнее нам цепи раба –
И жизнь наших предков сплошная борьба.

Припев
Слетайтесь, слетайтесь, Кавказа орлы!
Сегодня добудем свободу Апсны.
От рабства и смерти спасем мы ее,
И в деле докажем мы братство свое...
264. Хлопцы-украинцы
Хлопцы, чьи вы будете,
Кто вас в бой ведет?
Кто ж вас покупает?
Кто вас продает?
Под грузинским знаменем
Проливая кровь,
Что вы защищаете,
Чья ж у вас любовь?
Братцы-украинцы!
Алая заря –
Станете убийцами,
Потомки Кобзаря?!
Неужели с вами
Украина идет,
Растерзать Абхазию,
Маленький народ?!
Неужели деньги,
Выше всех похвал?
Или вы не видите,
Кто в войне нахал?
Или вы не слышите –
Стонет наш народ?

Ацҵа

Украина с Грузией
Нашей смерти ждет?!
Братцы-украинцы,
Не губите нас!
Помогите малому
В самый трудный час…
Хлопцы, чьи вы будете,
Кто вас в бой зовет?
Грузия огромная,
Весь ее народ?
Или добровольно
Посылает вас
Украина вольная
Уничтожить нас?
Или вы, наемники,
Чьи-нибудь рабы?
Убивать приехали
Словно по грибы.
Или вы не поняли –
Обманули вас.
Вся игра политиков –
В пешки, вроде вас.
Хлопцы, вы подумайте –
Стыд придет потом…
Мы ведь защищаем
Родину – свой дом!!!

Ацҵа

265. Гимн конфедератов
Над грозным городом раскаты,
Гуляет буря между скал.
Мы заряжаем автоматы
И переходим перевал…
В стране, где зверствуют бандиты,
Горит свободная земля,
Приходят мстители-джигиты
Тропой Мансура, Шамиля…
Помянем тех, кто были с нами,
Кого судьба не сберегла,
Их души тают над горами
Как след орлиного крыла.

Азгәаҭақәа

АЗГӘАҬАҚӘА
Азгәаҭақәа ирымҽхаркуеит: атекстқәа рхы-ҵыхәа – иананҵоу,
иахьанҵоу, зыҟнытә ианҵоу. Текстқәак паспортла ихарҭәаамзар, уи
зышьақәыргыламхеит азоуп.
Аркьаҿрақәа
Алашара – ажурнал «Алашара».
Аҧсны – агазеҭ «Аҧсны» («Аҧсны ҟаҧшь»).
Бзыҧ – агазеҭ «Бзыҧ».
Ерцахә – агазеҭ «Ерцахә».

Асовет мчра аамҭазтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа
I. 20–30-тәи ашықәсқәа раантәи жәлар рпоезиа
1. Кьаразаа рашәа (1). Маадан Сақаниа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит
Б.У. Шьынқәба 1957 шықәсазы. Иаагоуп: Шьынқәба, 1990. Ад. 87.
2. Кьаразаа рашәа (2). Хәажәы Салаҟаиа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит
Ш.Хь. Салаҟаиа 5.09.1961 шықәсазы. Иаагоуп: Салаҟаиа, 1975. Ад.
355–356.
3. Асовет мчразы ашәа (1). Езыгә Лазба иҳәамҭоуп. Ианиҵеит
И.Е. Кортуа. Иаагоуп: Кортуа, 1956. Ад. 82.
4. Асовет мчразы ашәа (2). Платон Киласониа иҳәамҭоуп.
Иаагоуп: Кьиласониа, 1990. Ад. 53.
5. Ленин изы ашәа. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кьиласониа, 1990. Ад. 52–53.
6. Ленин. Машьа Касланӡиаҧҳа илҳәамҭоуп. Иаагоуп: Касланӡиаҧҳа, 2000. Ад. 96.
7. Ленин. Сеидыҟ Ҳанашә-иҧа Кәарҷиа иҳәамҭоуп, диит 1874
шықәсазы. Ианиҵеит Д.И. Гәлиа 1934 шықәсазы Гәдоуҭа араион,
Лыхны ақыҭан. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 25.
8. Сара сашәа Ленин изы. Шәлиман Аршба иҳәамҭоуп. Ианиҵеит
И.Е. Кортуа. Иаагоуп: Кортуа, 1956. Ад. 3.
9. Ҳпартиа ду (1). Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп: Кортуа, 1956. Ад. 73.

10. Ҳпартиа ду уахь (1). Ҟасҭеи Сабаҟеи-иҧа Арсҭаа иҳәамҭоуп.
Ианиҵеит И.Е. Кортуа. Иаагоуп: Кортуа, 1956. Ад. 58.
11. Ҳара ҳпартиаз ашәа. Маҷкәыкә Адлеиба иҳәамҭоуп.
Ианиҵеит Б.У. Шьынқәба 1949 шықәсазы. Иаагоуп: Шьынқәба,
1959. Ад. 26.
12. Ҳара ҳпартиа. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Киласониа, 1990. Ад. 46.
13. Ауаатәыҩса ргәыҕырҭа. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп.
Ианиҵеит Б.У. Шьынқәба. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 27.
14. Аҭынчраз ашәа. Ианиҵеит И.Е. Кортуа. Иаагоуп: Кортуа,
1956. Ад. 59–60.
15. Азеиҧш нхара ашәа. Ианиҵеит С. Қәычбериа 1940 шықәсазы.
Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 32.
16. Аколнхараз ашәа. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кьиласониа, 1990. Ад. 7–8.
17. Ашәа. Ианиҵеит К. Ломиа. Иаагоуп: Кортуа, 1956. Ад. 57.
18. Ҳконституциазы ашәа (1). Ҳаџьараҭ Ашәба иҳәамҭоуп.
Ианиҵеит И.Е. Кортуа. Иаагоуп: Кортуа, 1956. Ад. 83.
19. Аконституциазы ашәа (2). М. Шьакаиаҧҳа илҳәамҭоуп.
Ианиҵеит С.М. Қәычбериа. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 29.
20. Аиааира ашәа. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кортуа,1956. Ад 69–70.
21. Ашәа азысҳәоит аҿыц ҧсҭазаара. Кәарсантел Базала-иҧа
Адамиа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит С.М. Қәычбериа. Иаагоуп: Шьынқәба,
1959. Ад. 33–34.
22. Аҿатә ашәа. Маадан Бата-иҧа Сақаниа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит
Б.У. Шьынқба. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 58–59.
23. Ҩ-нхашьак. Маадан Бата-иҧа Сақаниа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит
Б.У. Шьынқәба. Шьынқәба, 1959. Ад. 28.
24. Анхамҩа беиара (1). Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кортуа,1956. Ад. 76–77.
25. Ҳара бзабаала ҳанхоит (2). Антон Ҧилиа иҳәамҭоуп.
Ианиҵеит А.Шь. Зыхәба. Иаагоуп: Кортуа,1956. Ад. 84.
26. Иахьа иубар абри… Ианиҵеит И.Е. Кортуа. Иаагоуп: Кор­
туа,1956. Ад 48.

Азгәаҭақәа

27. Қьарақьан. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит Б.У.
Шьынқәба. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 67–68.
28. Илашаз ақалақь. Кәарсантел Адамиа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит
Б.У. Шьынқәба. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 69–70.
29. Иахьа Аҟәа зыркакаҷыз аӡы. Кәарсантел Адамиа иҳәамҭоуп.
Ианиҵеит Б.У. Шьынқәба. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 71.
30. Ҩыџьа аишьцәа рыгәҭыха. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 72–74.
31. Аидгылара. Кьаҕәса Смыр иҳәамҭоуп. Ианиҵеит Г.У. Смыр.
Иаагоуп: Кортуа,1956. Ад. 33.
32. Аҭаҳмада иашәа. Н. Цулаиа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит М.
Еџьибиа. Иаагоуп: Кортуа,1956. Ад. 80.
33. Гаха иужәра. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кортуа,1956. Ад 75.
34. Цәаҳәақәак. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп: Кьиласониа, 1990. Ад. 49–52.
35. Ашәа сҳәоит. Кьаҕәса Смыр иҳәамҭоуп. Ианиҵеит У. Смыр.
Иаагоуп: Кортуа,1956. Ад. 86.
36. Ачаи. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп: Кьиласониа,
1990. Ад. 8.
37. Агеран (1). Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп: Кьиласониа, 1990. Ад. 64–65.
38. Ахьӡыртәра (2). Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит
Б.У. Шьынқәба. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 62–63.
39. Аҽаҩраҭагалара. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кортуа, 1956. Ад. 67–68.
40. Қьафла аамҭа. Владимир Кәакәасқьыр иҳәамҭоуп. Ианиҵеит
Б.У. Шьынқәба. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 78–79.
41. Аҧхын ачаирҭаҿы. Нели Гәынба илҳәамҭоуп. Ианиҵеит Р. Џь.
Гәымба. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 77.
42. Џьгәаҭан имхурсҭа. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кортуа,1956. Ад. 72.
43. Нуца лашәа. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Киласониа, 1990. Ад. 54.
44. Нуца лчаирҭа. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Киласониа, 1990. Ад. 19.

Азгәаҭақәа

45. Абригадир Магыд. Хәыхә Гамсаниа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит
К.С. Шьаҟрыл. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 39.
46. Аџьықәреи аус ҟазазтәыз иашәа. Ҟасҭеи Арсҭаа иҳәамҭоуп.
Ианиҵеит Б.У. Шьынқәба. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 61.
47. Агәылара кыдыгәгәала Разан. Н. Бганба иҳәамҭоуп. Ианиҵеит
С.М. Қәычбериа. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 42–43.
48. Уа, бара, Анҭица. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 40. Иахьынтәаагоу ашәҟәы азгәаҭаҿы иаҳәоит: «Ақыҭақәа зехьынџьара
еицырдыруа ашәоуп. Ажәлар рҳәамҭа атекст ихы иархәаны, ашәа
иҩит И. Лакырба» (Шьынқәба1959: 316).
49. Аашьаҩ изы ашәа (1). Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит С.Л. Зыхәба. Иаагоуп: Аҧсны, 1960, ииуль22.
50. Ун – гәыгә (2). Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп: Кьиласониа, 1990. Ад. 29.
51. Ҳаҧшь-иҧа Баҩдан. Платон Киласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кортуа,1956, ад. 74. Ари атекст агәылоуп изҳәамҭоу ишәҟәгьы:
Кьиласониа, 1990. Ад. 21.
52. Уанхәыҷыз, суеигәырҕьон… Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп.
Иаагоуп: Кьиласониа, 1990. Ад. 38–39.
53. Амуча. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп: Кьиласониа,
1990. Ад. 55–56.
54. Изҭода уи гәыбҕан?! Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кьиласониа, 1990. Ад. 27.
55. Зҟырҟы ҳазмырҭәыз… Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп.
Иаагоуп: Кьиласониа, 1990. Ад. 36.
56. Аҿаҧара ақыҭан. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кьиласониа, 1990. Ад. 14–15.
57. Асалам. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп: Кьиласониа,
1990. Ад. 15.
58. 70 шықәса. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп: Кьиласониа, 1990. Ад. 42.
59. Шьараҭын. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит С.Л.
Зыхәба. Иаагоуп: Аҧсны, 1960, ииуль 22.
60. Алаҵара ашәа. Ианиҵеит С.М.Қәычбериа. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 37.

Азгәаҭақәа

61. Ҳара ҳныҳәа. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Аҧсны, 1979, октиабр 23. Ари атекст агәылоуп изҳәамҭоу ишәҟәгьы:
Кьиласониа, 1990. Ад. 47.
62. Аҭынчразы ашәа. Ианиҵеит И.Е. Кортуа. Иаагоуп: Кортуа,1956. Ад. 45.
63. Аҭынчра. Ианиҵеит И.Е. Кортуа. Иаагоуп: Кортуа,1956. Ад. 44.
64. Аҕьыч. Кәарсантел Адамиа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит С.М.
Қәычбериа. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 41.
65. Ахьӡыртәра. Ҭапагә Возба иҳәамҭоуп. Иаагоуп: Шьынқәба,
1959. Ад. 35–36.
66. Ахьӡыртәрақәа. Зениа Ҳагәышь-Барцыц илҳәамҭоуп. Ианиҵеит Г.У. Смыр. Иаагоуп: Салаҟаиа, 1975. Ад. 358–359.
67. Надиа лмакәан. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кьиласониа, 1990. Ад. 29.
68. Ар Ҟаҧшь ашәа азысҳәоит. Кәарсантел Адамиа иҳәамҭоуп.
Ианиҵеит С.М. Қәычбериа. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 30–31.
II. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду (1941–1945 шш.) аантәи
жәлар рпоезиа
69. Бзиала! Кьынтышә Чагәаа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит Қь.Ҟ.
Агәмаа. Иаагоуп: Кортуа, 1956. Ад. 87.
70. Асовет ар рзы ашәа. Алиас Гәынба иҳәамҭоуп. Ианиҵеит К.С.
Шьаҟрыл. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад.47.
71. Аҧсадгьыл. Ианиҵеит И.Е. Кортуа. Иаагоуп: Кортуа,1956. Ад 61.
72. Сыҧсадгьыл ду сызкәыхшоу! Кәарсантел Адамиа иҳәамҭоуп.
Ианиҵеит Б.П. Џьанашьиа. Иаагоуп: Шьынқәба,1959. Ад. 44–45.
73. Баша шәмыҽхәан!.. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кьиласониа, 1990. Ад. 13.
74. Сыҧсадгьыл. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит Б.У.
Шьынқәба. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 56.
75. Афырхаҵа Махаз. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кортуа,1956. Ад. 66.
76. Аџьынџь еибашьра. Алиас Гәынба иҳәамҭоуп. Ианиҵеит К.С.
Шьаҟрыл. Иаагоуп: Шьынқәба,1959. Ад. 46.
77. Афырхацәа. Алиас Гәынба иҳәамҭоуп. Ианиҵеит К.С.
Шьаҟрыл. Иаагоуп: Шьынқәба,1959. Ад. 48.

Азгәаҭақәа

78. Аҧырҩы. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп: Кьиласониа, 1990. Ад. 18.
79. Қьаазым Агрба иашәа. Кәарсантел Адамиа иҳәамҭоуп. Иа­
ниҵеит Б.П. Џьанашьиа. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 49.
80. Аргәын Џьаҭ иашәа (1). Арда Жьиҧҳа илҳәамҭоуп. Иа­ни­ҵеит
В.А. Кәаҕәаниа. Агитара иацҳәоу ари ашәа зызку Аџьын­џьтәылатә
Еибашьра Ду (1941–1945 шш.) иалахәыз аҧырҩы Аргәын Џьаҭ
иоуп. Иаагоуп: Кәаҕәаниа, 2013а. Ад. 202–203. Арда Жьиҧҳа илы­
нагӡамҭаны араҟа икьыҧхьу ашәа атекстқәа рыҩбагьы (№№107–
108) рҿиамҭак иавариантқәоуп. Иага ус акәзаргьы, атек­стқәа
ирымоу акык-ҩбак аиҩгарақәа ҳхаҿы иааганы, урҭ рыҩвариантгьы
ркьыҧхьра алшоны иҳаҧхьаӡеит.
81. Аргәын Џьаҭ иашәа (2). Арда Жьиҧҳа илҳәамҭоуп. Ианиҵеит
В.А. Кәаҕәаниа. Ашәа агитара иацҳәоуп. Иаагоуп: Кәаҕәаниа, 2013а.
Ад. 203–205.
82. Аҳәса рыхьӡырҳәага. Алиас Гәынба иҳәамҭоуп. Ианиҵеит К.С.
Шьаҟрыл. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 50.
83. Ҳамс иашәа. Тышькәа Сыҷынаа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит Б.У.
Шьынқәба. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 51.
84. Ахьӡыртәра. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит Б.У.
Шьынқәба. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 53.
85. Иддыркит «анамаз». Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Иаагоуп:
Кьиласониа, 1990. Ад. 18.
86. Ахьӡыртәра. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит Б.У.
Шьынқәба. Иаагоуп: Шьынқәба, 1959. Ад. 55.
87. Ахьӡыртәра. Платон Кьиласониа иҳәамҭоуп. Ианиҵеит Б.У.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 20