Latin

Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 16

Süzlärneñ gomumi sanı 3583
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1932
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

ҳаҧшаан, аухантәарак аус адаҳулон: аснариадқәа ахьцаша,
иахьақәҳажьша ҳахәшьадуан. Ақырҭцәа рыр ахьтәақәаз аадыруан, убарҭ иахьрықәҳаршәаша ҳәа ҳара ҳтәала аплан ҟаҳҵон.
Васиа Васильев знапы ҟазаз аӡә иакәын, аха дыр­гәыб­
зыҕтәын, аламала дҳаццомызт. Ауатка дақәҳаргәыҕып ҳәа
ҳаӡбит. Васиа иаҳҳәан, мап ҳцәымкӡакәа, дҳаццеит. Аркади Арзынбагь дышьҭаҳхит. Зеиҧш ҟамло акгьы ыҟам ҳәа,
арациагь ҳгеит. Агәаҩақәа ры­ла аресторан «Ешыра» шыҟаз
ҳхалеит. Анзор, Васиа, Аркади, сара ҳаицуп. Ҳахьынтәи хысша тыҧ бзиак ҳаҧшаароуп уажәы, ГАИ апост азааигәара ҳҭыҧ
ылаҳхит. Ҳ-НУРС-қәа рыла ҩ-залпк ҟаҳҵеит. Убри аамҭаз
ҳрациа инҭыҩит: «Воздух! Самолет противника!» ҳәа. Азныказгьы иааҳцәымыҕхеит уахьҽуҵәахуаҵәҟьа ыҟам, арахь
напымыӡәӡәа иаҳамкуа ҳмашьынагь рыцҳаҳшьагәышьоит. Ара
ҳақәыркуеит ҳәа ҳшынаҧшы-ааҧшуаз рациала ус рҳәеит: «Самолет сбит, самолет сбит, летчик приземляется в районе ресторана «Ешера».
– Идемте трофейного летчика брать, – иҳәеит Васиа.
Ҳара уа ҳазааигәан усгьы. Убри аамҭазы, – Ой, ребята, смотрите! – ибжьы наиргеит дырҩегь Ва­сиа.
Ҳаҧхьаҵәҟьа амца ацрыдды хланҵы иҭалан иаауеит
аҳаирплан. Агъақьҳәа икаҳаит. Аҧырҩгьы дыхиаалан атәара
даҿуп. Ҳмашьына ҳҽақәыжьны ҳҿыҩаҳхеит аресторан шыҟоу.
Иахьынтәаанагаз сеидру асолдат цәыҵыппын раҧхьа инеиуа
ҳәа иҩуа аресто­ран ахь ицоит. Аресторан захьӡыз аҟны ҳахьааиз,
ашxырцәаҕьқәa реиҧш, ҳсолдаҭ еилауаҭыруеит: «Аҧырҩы
даҳкыроуп, ҳгәаҕ ихаҳгароуп»...
Сыҧшызар, дрыман иаауеит аҧырҩы. Ҳаҩуа уахь ҳҿынаҳхеит. Аҧырҩы арҭмаҟ иҟәаҟәа икыдҳәалан, амни имысхуеит
ҳәа ҷкәынак дааиҧылеит.
– Не трогай, не трогай, может взорваться! – иҳәеит Васиа
аҩсҭаа, днеины арҭмаҟ ааихихын, ҳмашьына илҭеиҵеит.
Уажә сгәы ҧжәоит, сашьа мызкы дытҟәаны дрыман ақырҭцәа, изаарцаз сымдыруеи, ицламҳәа ҧырҵәеит, иҧынҵа
ҭахыржәеит. Ари аҧырҩы снапы ихьымшькәа дсышьҭыр, иҳақмызт. Сааидгылан, сҭаҷкәм амҩа иқәсҵеит, ишнеиуаз ицлам­

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

ҳәа иақәшәеит. «Ҟыт» имҳәеит. Сара арахь снапгьы сыхьит, аха
ҽазныкгьы идәықәсҵеит.
– Иужәлои? – сҳәан, ҿиҭӡом.
– Иужәлои? – сҳәеит дырҩегь.
– Норуашвили, – иҳәеит. (Убри аамҭаз аособистцәа икәшан
амашьына иҭаҵара иаҿуп, акәымзар дыршьуеит.)
Абри ҳҳәонаҵы ҭаҳмадак дааҳадгылт, лабашьак икуп.
Аҧырҩы амашьына дҭарҵаанӡа днаидгылан, илабашьа ахы
инаркны аҵыхәанӡа асаба ақәихуазшәа инапала иааирыцқьан,
ирхха дисит. «Аинфекциа илаиҵар ҳәа дшәома, абри илабашьа
зирыцқьои» ҳәа сихәаҧшуеит. Еиҭах илабашьа инапы аахьишьын, даҽазныкгьы дисит...
Иалыухи, мчыла аҧырҩы дҳамҟәыҵыжәжәан, амашьына дҭажьны дрыман ицеит. Ҳара трофеис иҳауз арҭмаҟ ауп,
уа иҭоу сеидроу, иҳаман абазахь ҳааит. Арҭмаҟ ҳҭаҧшын, уа
иҭоуп ҩбаҟа литра аӡы зҭоу афлиага; аконфеҭқәа, амратә бла­
саркьақәа, аихаҧсыхә хәыҷ. Абри зегь трофеик аҳасабала
иаҳшеит. Сара исаӡеит арҭмаҟ.
Уи зысҭаххаз уиоуп, ахәыҷы ашкол ахь дныҟәон, ишәҟәқәа
зҭеиҵоз ашәыра имаӡамызт.
233. Аибашьҩы Арушьан Џьелиа
Аҕа хәымга ҳаҧсадгьыл данақәла аҧхьатәи амшқәа рзы, зегьы ишыжәдыруа еиҧш, даара ицәгьан аҭагылазаашьа иҳамаз.
Аха аҷкәынцәа, ахацәа, aҧcya хацәа гәымшәақәа аӡәк иеиҧш
еицгылеит. Убри иабзоураны иахьа ҳахьынӡаҟоу ҳааихьеит.
Раҧхьатәи амшқәа рзы еиҿкаан иҟаз агәыҧқәа маҷын. Убри
аҟынтәи дасу аигәылацәа, аиуацәа, аишьцәа, аиҳәшьцәа абас
еиҿкааны, еидгыланы хазы-хаз еибашьуан. Сара раҧхьаӡа ианалагаз инаркны аҩадахьтәи Ешыраҟа сыҟан, Мушьни Хәарҵкьиа
игәыҧ аҿы, сентиабр 20 рҟынӡа. Убри нахыс Ҧақәашь иалҵыз
аҷкәынцәа рацәаҩаны рыӡбахә саҳаит аладахьтәи Ешыра. Нас
уахь сылбааит саргьы сентиабр 20 рзыҳәа. Убраҟа иҟан агәыҧ
еиҿкааны, иахьӡын «Ветерок». Изыхҟьазгьы убриоуп: аҳабла
ҿыцаҿ «Ветерок» ҳәа акрыфарҭа гылан. Убрантәи нас ахьаҵра
анҳақәшәа, ихьаҵны Гәымысҭа аӡы ирны иахьнеиз, ргәыҧ

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

иахьӡырҵеит. Убра еиднагалаз аҷкәынцәа – зегьы еибаҭахыз,
аигәылацәа, аешьара зегьы – абас иахьеиқәшәаз азыҳәа,
убра иахьгылаз азыҳәан убыс «Ветерок» ҳәа ахьӡырҵеит.
Иҳахьыӡхалеит. Иахьагьы убыс иҟоуп. Аҷкәынцәа убри агәыҧ
иалаз иахьагьы абџьар кны Аҧсынтәыла иахьаҭаху аҭыҧқәа
рҿы игылоуп. Убраҟа издыруаз аҷкәынцәа рацәаҩын, исзымдыруазгьы ыҟан. Ҿыц ҳаибадырт. Убра издырыз аҷкәынцәа
дреиуоуп зыӡбахә сҳәарц сҭаху Арушьан Џьелиа.
Арушьан Џьелиа, қәралагьы иареи сареи уиаҟара
еиҩаагомызт, ҳақәра еиқәшәама, ҳаҟазшьа еиқәшәама, мыц­
хәы бзиа ҳаибабо, пату еиқәаҳҵо убыс ҳаҟан. Исҳәарц исҭахыу
убриоуп: аибашьра шықәсык иацны ицон. Ҳҩызцәа иҳагхаз
рацәаҩуп, иҳацлаз рацәаҩуп. Иҭахаз аҷкәынцәа рацәаҩуп.
Аха зегьы даарылубаартә еиҧш, гәык-ҧсыкала, ихы-иҧсы
дамеигӡакәа, иҧсы ақәҵан, абас абри аибашьра ицоз дадгыланы аџьабаа ибон. Мыцхәгьы ихы аџьабаа аирбон. Арушьан
иахьа апостаҿ дыҟазар – уаха егьырҭ зыҧсы зшьоз гьамала
ҳацәон. Избанзар, иаадыруан – уи дыцәан ҟалаӡомызт. Дыцәан
– уи захьӡузеи! Уи аҵыс шыбжьымҧыруаз агәра ганы ҳаҟан зегьы. Иара ҷыдала убыс баҩхатәран илан, убри аҩыза аҟазшьа
иман иара. Иҩызцәа рҿы убри аҟынӡа ихы наган дыҟан –
еиҵбыз иоума, иҵкыс еиҳабыз иоума, «ари са исуалым» ҳәа
акәымкәа, зегь иара уалс идызшәа ибон. Зеиҧш нхарами, нас,
иахьеицынхоз дасу иҟаиҵоз рацәан. Аибашьра ахьцо,аҧҳәыс
дахьыҟам – умаҭәақәагьы уӡәӡәароуп, учанахгьы уӡәӡәароуп.
«Уи са истәым» ҳәа акәымкәа, зегь абас, аиҵбацәа еиҳабра
рзуны, аиҳабацәа еиҵыбра рзуны зхы ныҟәызгоз хаҵа цқьан,
убри аҩыза аҧсыцқьа зхаз уаҩын иара. Убыс сҳәот сара – «Иахьа уҧсы уҭироуп, Аҧсны цқьахот» ҳәа иоуҳәар, иҧсы иҭиуан
уи ажәакгьы уирҳәаӡомызт. Ари башажәам, ари иареи сареи
шықәсыки ҩымзи ҳаицын, иҟазшьа аҟынтәи ауп изысҳәа. Мамзар иҳәатәуп ҳәа акәӡам. Убыс иагьыҟаиҵеит иара.
Март азыҳәа ажәылара аныҟаз, иара дхәын. Ихахәдаџьал
аладахьы ижәшәаҟьаҿ ахы иақәшәаз, ирыҧҳагьы илакьысын, наҟ илҟьан ицеит. Убыс дшыҟазгьы, аибашьра адәы
камыжькәа, ишьҭахьҟа дымхьаҵӡакәа, иара ихаҭа далгатәын,

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

аха ахәцәа дрыцхрааны иалигон. Иҩызцәа кажьны џьаргьы
дымцаӡеит. Ихы имҵәахӡеит. Абри зегь зысҳәо убриоуп –
иҟазшьа абри иаҳнарбеит. Иашоуп, ани ажәылара аныҟоуи
уаанӡеи ауаҩ ихымҩаҧгашьа еиҧшымхар ауеит. Аха иара
уаанӡа ихы шымҩаҧигози ажәылараани ҭибагеит. Убриаҟынӡа
дуаҩ ҧсыцкьан иара.
Аибашьра ҟалаанӡа убра Ешыра аскладаҿ аус иуан иара.
Нас аибашьраҿ аҳаирпланқәа абомба карыжьуан, атанкқәа
хысуан, абзарбзанқәа хысуан. Ааха ҕәҕәа ыҟан. Убра дцан
игәеиҭон, ахысрақәа анеиқәтәалак ашьҭахь – «акрахьыма, иҧ­
на­ҽыма, иҧнамҽыма» ҳәа абас. «Аибашьра ашьҭахьгьы ин­
хо аҧсуа жәлар рзыҳәа малуп, убригь аахәатәхоит» ҳәа, уигь
дахылаҧшуан (аха илшагәышьооз, усҟан уи аҩыза аамҭа ыҟа­
мызт). Изысҳәо убриоуп – убриаҟынӡа убри игәы азыбылуан.
Уаанӡагьы, зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса октиабр азыҳәангьы, ноиабр азыщәангьы, декабр азыҳәангьы
– знык, ҩынтә, хынтә априказ ҳарҭон – «иахьа жәылара ҳцот»
ҳәа. Иара усҟан архәҭа командирс даман. Ирхәҭа аума, иара
иоу­ма, иҽеибыҭан дыҟан, усҟан иҳамаз абџьар ала.
Ашьҭахьы, нас зегь ижәдыруа хҭысуп, енар хәбатәи ажәылара
азыҳәан априказ ҟалеит. Нас абџьари аџьаҧҳани рзыҳәа
уиаҟара ҳаиқәшәамызт. Абџьар зкымыз аҿар рацәан. Усҟан
командирс дҳаман Тарик Тапаҕәуа, ихаҭыҧуаҩыс – Витали
Арсҭаа. Арушьан авзвод акомандирс дыҟан. Убысҟан ажәылара
аныҟаз, ҳрота аӡы ихықәгылан, ҳаҧшын априказ анбаҳауеи
ҳәа аӡырра азыҳәа. Убраҟагьы Арушьан ихы ааирҧшит.
Маҟҿаҳәаранӡа асы шьҭан. Аҷкәынцәа – ақәыҧшцәа ҳацын.
Витали Арсҭаа иҷкәын жәаа шықәса сентиабр азыҳәа аҭабиаҿы
ихыҵит. Убра иазгәаҳҭеит. Сыҷкәынгьы дыҟан. Абас абџьар
змамыз аҿар ыҟан хәҩык-фҩык рҟынӡа. Убыс ҳаӡбеит, нас –
аиҳабацәа аҿар аанкыланы, аӡы ҳарыр, нас ҳашьҭахьҟа иааип
ҳәа. Арушьан иоуп уи ажәалагалагьы ҟазҵаз. Изхысҳәаауа убриоуп, маҟҿаҳәаранӡа асы шьҭан – уа икаҳаз дҟалеит, ицәаакыз
дҟалеит. Аҽырбарҭа абаҟаз. Иара имаз-ихӡыз, иаҳҳәап – диалоума, шьапкәыршоума, бымба кьаҿума, напҭарҧоума – аҿар
ириҭон. Имаз инапҭырҧақәа имҕыхны аҿар ириҭон. Нас,

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

акранаҳфоз, иара аҧхьа дтәаны – уи ҟалашьа амаӡамызт. Зегьы
рхәы рзишар акәын. Иара ианизымхозгьы ыҟан. Нас, усҟангьы
ажәылараҿы егьырҭ аротақәа ицаз ыҟоуп, иҭахаз аҷкәынцәа
ыҟоуп, аха ҳара ҳҿы усҟан иҭахаз ҳәа уаҩ дҟамлеит. Априказ
ҳмоуит аӡырра азыҳәа.
Аиашаз, абри «Ветерок» агәыҧ абжеиҳараҩык, процентла иугозар ҧшьынҩажәи жәаба ҩык рҟынӡа, абжьыуаа ҳа­
кәын иҟаз. Гәдауҭагьы ауа-ҭынха змаз маҷын. Егьырҭ нас
ирыҧсахуан. Хәымш рахь, жәамш рахь ицон, иаауан, рыҧсы
ршьон. Ҳара ҳзыҧсахуаз ҳәа уиаҟара ыҟамызт. Убрагь Арушьан џьара (уа ҧаса аус иуан) аӡәыр дидыруазар – мана ҳнеин
ҳҿы-ҳнапы уаҩҵас иҳаӡәӡәартә еиҧш, абас аҭыҧқәа ахьҳамаз,
убрахь аҿар игон. Абас дрызныҟәон. Аиашазыҳәа абык иеиҧш
дырхылаҧшуан аҿар иеицыз. Иахьагьы инхаз зегьы абарҭ
иҟазшьақәа рыла дыргәаладыршәоит.
Енар нахыс, ажәыларатә гәыҧ ҳәа, Пицундаҟа ҳаргеит. Нас
уаҟагьы ҳҽазыҟаҳҵон – ҳаҩыр акәын, ҳаҧар акәын, ҳхысыр
акәын, аӡгьы ҳарыр акәын. Ихы ацәымгаукәа, дацәымаашьакәа,
ашьыжь дгылан, зегь ҳаргылан ҳирыҩуан Арушьан. Аӡы
иҭалатәума – раҧхьа дгылан дцон, «уара иҟаҵа» ҳәа акәымкәа,
иара иуирбон ишыҟаҵатәу, уиман дцон. Насгьы иара, убри
аҟынӡа иҟазшьа шыҟазгьы, иакәым зуыз диаҩсӡомызт. Иакәым
зуазгьы, иаахтны инаган иҿаҿы иеиҳәон – «иҟоуҵаз иакәымуп,
ииашам, ари ҳаамҭа иатәым, ари ҳа ҳҵас иатәым» ҳәа. Аиакәым
ибаргьы, изымбазшәа ҟазҵо дыҟоуп, аха ус иҟаз иакәӡамызт
ари. Аиакәым иибозгьы, ахә ақәиҵон, аиаша иибозгьы, ахә
ишьон. Ашьҭахь март 15–16 рзыҳәа (ажәылара ҩбаҟа-хҧаҟа
мшы шыбжьаз) арахь Ешыраҟа ҳааит. Ишыжәдыруа еиҧш, март
15–16 рзыҳәа, априказ иҳауз ала, Гәымысҭа аӡы ҳарын, арахь
Учхоз ҳәа иахьашьҭоу аганахь ала ажәылара ҟаҳҵеит. Нас аӡы
ҳаныр ашьҭахь, уаҟа ҳазқәымгәыҕуаз ахҭысқәа ҳрықәшәеит.
Ҳаҧхьаҟа аминақәа шьҭан ирацәаӡаны. Ҳкомандир дырхәит.
Ихаҭыҧан иҳамаз Витали Арсҭаа амина иҵаҧжәан, ишьапы
хнажәеит.
Ашьҭахь ҳкомандиргьы аснаипер ихы иаахан, уыгьы дҭа­
хеит. Аҷкәынцәа ирацәаӡаны иҳацәҭахеит. Амина иаҳ­цәашьит

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

аиҳараҩык. Иара Арушьан (уажәраанӡа исҳәахьан) ахы иқә­
шәеит. Уыгьы снаиперуп иеихсыз. Ихҩахамҭаз акәхап. Избанзар, ихахәдаџьал илаҵакны абри ижәшәаҟьа инықәсны,
ицәа иалалан ирыҧҳагьы иакьысны, имаҟҿаҳәара шыҟаз
иалҟьеит. Убыс дшыҟазгьы, аибашьра адәаҿы иҭыҧ нимыжьт.
«Макьана снапы еибгоуп, уиаҟара ахьаа исзымычҳаша сымам» иҳәеит. Зегь ашьҭахьҟа ҳхьаҵаанӡа, ахәцәа алганы
ҳхьаҵаанӡа иҭыҧаҿы дшыҟаз, иҭыҧ нмыжьӡакәа, иҩызцәа
ихәымыз дҩарывагыланы деибашьуан. Ашьҭахь нас уаҟа, априказ иҳауыз ала, наҟ ҳашьҭахьҟа ҳхьаҵит. Аҽны хәлаанӡа арахь
ҳашьҭахьҟа аашьа ыҟамызт. Убра аҧаҩ ҳаҿатәан. Абриаҟара
ахәра шимазгьы, ахәцәа (Витали Арсҭаа ишьапы имаӡамызт,
Зурик Кархалаа ишьапы имаӡамызт…) дырхылаҧшуан. Иара
ахылаҧшра иҭахын, арахь «абарҭ, абааҧсы, аӡы рҭахыума,
аӡы ржәыр ауама?» ҳәа дырхылаҧшуан. Уа Лиосик Габуниагьы дыҟан. Уи абри хирург бзиак иҟаиҵаша аҟара абас ахәцәа
дрызныҟәеит. Аӡы идыржәтәыз, нас ршьапы, ани ашьа мцарц
азыҳәан ианҿаҳәатәу, ишҧыртлатәу – абарҭ зегьы (уаанӡа идыруазу сыздыруам) дрықәшәан дырҿын.
Ашьҭахь Арушьан ихәрагь мҕьацкәа ахәышәтәырҭа дҭыҵит.
Убра даара дыҟазар – ҩымш-хымш ракәын. Ихәра ахы ааибанакуа ианалага, дырцәыбналан, ахырҕәҕәарҭахь дықәлан дааит. Ибҕа дзықәиаӡомызт, ахәра ахьымҕьац, ҿыцха акәын уахынла дшықәиоз. Уа инеира азмырхакәа – апост ахь ицатәума,
уи аамҭала иаҭахыз зегьы ихы рыгирхаӡомызт, ишаҳамуазгьы.
Убриаҟынӡа дазыҳаҵыҳаҵон. Амни Гәымысҭа арра, абрахь
абри Аҟәа ахақәиҭтәра – абри акәын иҧсы, игәы, ицәажәара
ихымҩаҧгашьа зегь зызкыз. Ҳҩызцәа анҭаха ашьҭахь, уи
зынӡа игәыҧжәара иацлан – иахьоума, уаҵәоума, аамҭа заагои
ҳәа Гәымысҭа, амни ҳҩызцәа, ҳашьцәа ахьҭахаз, амни адәы
рыцқьаны, дара ахәымгагқәа ықәцаны – абри акәын зыӡбахә
иҳәоз. Абри акәын, ӡбахәыс, цәажәатәыс имаз.
Нас, уи март инаркны, ажәылара ҟалаанӡа амзақәа бжьысит.
Ашьҭахь ҳкомандир данҭаха, Алик Лазба командирс далаҳхит.
Авзвод акомандирс Арушьан дҳаман. Уажәраанӡа исҳәон
еиҧш, иара иҟаҵатәыз ануирбалак, ицҟазымҵозгьы идцалан

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

иирҟаҵон. Ус зынӡа дыҧсыҽын ҳәа уаҩ игәы иаанагар ауеит,
аха усҵәҟьа дыҧсыҽӡамызт иара. Иҟаҵатәыз аҟаҵара зхы
ахызгозгьы иирҟаҵон.
Марттәи ажәылара ашьҭахь, зегь акалашәақәа ҳҟалеит. Избанзар, ҳҩызцәа иҳавыршьааз ршьа утәхеит. Урҭ рхәыцра, урҭ
рыкапан даара ихьанҭахеит. Аҷкәынцәа даҽакала иазхәыцуа иалагеит. Даҽакала аамҭа иазыҧшуа иалагеит. Аамҭа цацыҧхьаӡа
иаҳа-иаҳа игәыҧжәара иацло иалагеит – «ҳабанӡатәо, ҳанбацо»
ҳәа. Аҭабиақәагь жтәын – ахыхьчарҭа. Аҟаҵара рҭахӡамызт.
«Ахыхьчароума ҳааин ҳазтәоу, наҟ ҳамцо!» ҳәа акәын аҷкәынцәа ирҳәоз. Мчыла идурҟаҵозаргьы, иҟарымҵо аҟынӡа
убранӡа инеит. Избанзар, ргәы ҧҵәахьан аҷкәынцәа – «ҧхьаҟа
ҳанбацо?» ҳәа игылан. Нас уаҟа еиҿкааны иҟан. «Ҳрыҧсахуан
жәамш рахь, жәохәмыш рахь – ҩымш-хымш ахақәиҭра ҳаман.
Арушьан данымцоз ыҟан, дцаӡомызт. «Уара, уанаџьалбеит,
иҟалеи, иухьи, уаала, уҧсшьа ҩбаҟа-хҧаҟа мшы» ҳәа мчыла дҳаман ҳцон. Нас (иара дахьыҟаз ҽаџьаран, ҳара ҳахьыҟаз
ҽаџьаран) ҳанааилак – «дабаҟоу Арушьан?» – даахьеит. Днеиуан, уахыки-ҽнаки рыда уаҳа даангылаӡомызт. Абрахь акәын,
абри аӡырра акәын ихы иҭаз.
Ашьҭахь, ишаадыруеиҧш, аҵыхәтәантәи ажәылара ҟалеит
ииуль азыҳәан. Нас, уи уажә имаӡам, зегьы ирдыруеит –
еиҿкаан иҟаз. Аиашазыҳәа, сара убыс сгәы иаанагоит, ибзиан
еиҿкаан ҳәа. Избанзар, асынтәи ацҳа аганахь ала ажәылара
ҳәа ижьаны, аҕа имчқәа зегь арахь ирхеит. Даара ирацәаҩуп
ҳаҷкәынцәа иҭахаз. Убраҟагьы мчымхара ҳәа ҟамлаӡеит.
Арушьан рыцҳа, егьи, нас, аизара рыман. Саргьы уа комиссарс
сыҟан. Иҳарҳәеит: «Абас-абас, ажәылара абысынтәи иҟалоит,
мчымхара ыҟам, зегы ирҭахыуп, аха зегьыҵәҟьа ҳзышьҭӡом»
ҳәа. Избанзар, ҳара убыс ҳгәы иаанагон зны-зынла: шаҟа
ҳрацәаҩу – убриаҟара ибзиоуп ҳәа. Аха ус акәымзаап ишыҟоу
ар рҿы, аибашьраҿы. Еибашьуагь рыбжьара ҧыҭк бжьазар
акәзаап. Убриаҟынтәи иаҭахыз ауаа маҷын,120-ҩык рҟынӡа,
абас акәын иаҭахыз. Арахь хыҧхьаӡарала хышәҩык иреиҳан
ҳара ҳротаҿ иҟаз. Убриаҟынтәи дасу игәаҧхарала, изҭахыз ҳәа
рыӡбеит. Ҳанааи, ашьҭахь уа аҷкәынцәа Арушьан иааизиган,

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

«абасоуп, абасоуп, зегь ҳазцаӡом, иаҭахыу абасоуп» иҳәеит.
Аҷкәынцәа игәааз ҟалеит. Нас аҽанҵара ианалага, раҧхьаӡа
иара ихьӡи ижәлеи анҵаны, нас егьырҭ ранҵара далагеит.
Ишҧасҳәари, иҧхеибарсны, иахьӡаны – иаҭахыз ахыҧхьаӡараҿ
ианнеи, «уаҳа мап» иҳәеит. Ирымуит, аха нас аррагь – арроуп,
аибашьрагь азакәанқәа амоуп. Азакәан уацныҟәароуп, уаҳа
ҧсыхәа амамызт.
Ҽынла ҳәа акәын ишыргәиҭаз ажәылара, аха нас уахахь
ииаргеит. Асааҭ жәохә минуҭ агын аказы, ацҳа ҳанықәлоз.
Убысоуп ишысгәалашәо, сыҧсымзар. Ацҳа ируаз ҳбаталион
аҟынтәи шәи ҩажәаҩык алхны иҟан – хәҩы-хәҩыла, жәажәаҩыла. Ацҳа армарахь, арҕьарахь ала абас хәҩы-хәҩыла
ируан. Раҧхьа ицо уаҟа ирҧыхьашәо аҕацәа ҭарханы, уа
иаангыло, егьырҭ аннеиуа, наҟ инаскьо. Абри амшын ацәқәырҧа
анаауеиҧш, абас еиҿкааны иҟан. Ацҳа ҳанықәлозгьы, аҧхьа
Арушьан дгылан, ҳара арыҕьарахь ала ацҳа ҳақәсны ҳцон, абри
амаакыра ҳавалан. Иара рыцҳа аурылагьы дуаҩы наӡан, аҧхьа
иара дгылеит. Иара аҧхьа дгыланы, ҳамҩанигеит. Ацҳа ҳақәсит,
ацҳа аурагь дуун. Убраагь кьыс ҳмоуит. Иара ҳихьӡандаз ҳәа
акәын ишцоз аҷкәынцәа. Избанзар, уаҧхьа ауаҩы днеиуаны,
узаангылом. Иара акыс командирс дҳаман, асиаҿ аҧхьа иара
ихы аниҵеит. Абарҭ зегь збаз аҷкәынцәа заангылом. Уаҧхьа
ауаҩы дгылан данцо – уигот, игот аҷкәынцәа. Ҳа ҳганахь ала
еицыз хәҩы-уаак аҷкәынцәа кьыс ҳмоуӡакәан ацҳа ахаҟынӡа
ҳнеит. Уаҟа ахәцәа ыҟан. Аҳа, уа ахы ҧжәаны иҟан, иҳаракын.
Уахьгьы ахәцәа мҩаҧызгоз ҳрыцхрааит.
Ашьҭахь аҩбатәи ахырҕәҕәарҭахь ҳаннеи, уаҟагьы ихәыз
ҳа ҳтәқәа рацәаҩын. Нас ахҧатәи ахырҕәҕәарҭахь ҳнеит. Дасу
ҳҭыҧқәа ахьаанаҳкылаз – убраҟа дҭахеит Арушьан. Дҳацә­
ҭахеит, аха иаҧхьагьы ҧыҭҩык еилажьын…
234. Абык иеиҧш иаҳзыҟаз Арушьан
Арушьан ҳара ҳавзвод акомандирс дыҟан. Даара
дҿырҧшыган. Дҵас имазаалак – инеимыгӡакәа дхынҳәӡомызт.
Иультәи ажәылараан, Арушьан дааҳадгылан, иҳаиҳәеит дҵас
иҳамаз, уи анагӡаразы агәымшәара шаҭахыу ҳаилиркааит.

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

Ҳавзвод иалаз аҷкәынцәа зегьы жәылара ҳцеит. Арушьан
ҳаҧхьа дгылан. Артиллериа иахьынӡахәҭаз ианхыс, ҳара ацҳа
ҳақәсит аҵхыбжьон. 120-ҩык ҳаҟан. Ҳара ҳадҵа наҳагӡеит,
иахьынӡанеитәыз ҳнаӡеит. Аха аҷкәынцәа иршьыз, ирхәыз
рацәахеит. Зыҧсы ҭаны иаанхазгьы, шамахамзар, зегьы ҟәаҟәачаҟәан иҟан. Ҧхьаҟа ицашаз ҳәа уаҟа уаҳа уаҩ дыҟаӡамызт.
Арахь арыҕьарахь, амшын аганахь ала ҧхьаҟа ицатәын.
Арушьани сареи ҳшеидтәалаз сара сырхәит. Скаҳаит. Иара сара
сыжьжьара далагеит – «умшәан, акгьы ухьӡом, зегь бзиахоит»
ҳәа. Иара ддәықәлеит ауаа еизганы, арыҕьарахь ала «ҧыҭк
ҳнаскьароуп» ҳәа. Сара «умцан» ҳәа сыҳәҳәеит. Избанзар, уахь
уанца, хынҳәышьа амаӡамызт. Ҳара ҳтәқәеи дареи рыбжьара
ацәаҳәа илашьҭыз уқәсыр акәын. Сиҳәеит дымцарц. Аха иара, –
Мап, ҳадҵа ус иҟоуп, инагӡатәуп, – иҳәеит.
Сара сахьышьҭаз Арушьан иарҕьа-напы сахьынҳалан искын,
дысмышьҭырц. Имуӡошәа анызба, – Уара ус суықәгәыҕӡомызт,
скажьны уцаргьы улшозаап, – сҳәеит, издыруада, дысзынкылозар ҳәа.
Аха, – Мап, аҷкәынцәа еизызгароуп, – иҳәан, дцеит, уаҳагьы
дзыхнымҳәӡеит.
Скомандируп ҳәа акәмызт уи дшыҟаз. Аҧхьаӡа иргылан уи
дуаҩын, дуаҩы цқьан. Ахәыҷгьы адугьы рацәажәашьа идыруан.
Иҿабызшәа хаан. Иҟаҵатәу иҟаҵатәым агәра урганы иуеиҳәон.
Аибашьраҿоуп Арушьан сара дахьыздырыз.
Зны автоматқәа ҳрыцқьон. Ҳахьтәаз ҩ-метрак рыда
бжьамкәа ҳҿаҧхьа Арушьан дтәан. Рауль Лазба иавтомат
анирыцқьа, ицәҭҟьеит ҩынтә. Ахҩыкгьы Арушьан ихы иқәсны
ицеит. Нас иара рыцҳа дҩагылан, дыччо, Рауль ҧшшәы
ихаӡамкәа иҟәаҟәа днас-аасын, – Уара абыржә санумшь, уашьҭа
дунеихаан сыҧсуам, – иҳәеит.
Аҟәыд ҳзичаҧон, акраҳҿеиҵон. Абык иеиҧш даҳзыҟан Арушьан.
235. Ииультәи ажәылараан
Аибашьра ианалага, усгьы абџьар аӡәгьы иҳамаӡамызт.
Аибашьра ҳазегь ҳаибанардырт. Ацҳа ҟаҧшь аҿы ҩаха

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

ҳгылан. Нас арахь «Ветерок» ахь ҳааит. Ҳашгылаз, асааҭ хҧа
реиҧш ҟалахьан, какалиа тҟәарчалынтәи дааит. Ҩыџьа-хҩык
аҷкәынцәа ицуп. Аибашьра иалагахьан шьҭа, аҕацәа ааины
Ацҳа ҟаҧшь иадгылахьан усгьы.
– аибашьраз шәыхиома? – иҳәан (нас ҳаргьы акәҵәҟьаз
џьаҳшьан, ҳабеибашьхьаз), – Ҳахиоуп! – ҳҳәеит.
–Ишәымои? – иҳәан, автоматқәа заҟа ҳамаз иаҳҳәеит.
Нас Арушьан ари (зажигательнаиа смесь ҳәа иҟаз) аҧаҭ­
лыкақәа ҩынҩажәаҟа цыра ааизиган (нас, ҳицхрааит ҳаргьы)
амаслеи абензини ҭаҭәаны архиара даҿын. Ҳара арахь аҩныҟа
ҳааит. Нас «шәҭаацәа ықәыжәгароуп», рҳәан, ҳаан, аҩнқәа рҿы
ираҳҳәеит. «Ветерок» ахь ҳгьежьны ҳнеит. Нас зегь ақәҵра ианалага, ҳаргьы ауниверсам азааигәара иҟоу ҳбот ҳәа ҳахьнеиз,
уантәи ақәҵра ҳақәшәеит. Зегь ахьцоз, абрахь аҩадахьтәи Ешыра ҳаҿалан (аверталиотқәа арахь ахысра иаҿуп) – убас ҳцеит.
Џьоукы ас «Ветерок» ала иҭалан ицеит, џьоукы атрассала ҳцеит.
Аҩадахьтәи Ешыра аресторан ахьыҟоу, убра аштаб ҟаҵаны ирыман ҳа ҳтәқәа, уаагьы ҩаха раҟара ҳаҟан. Автобус ҳалҭадыртәан,
50-ҩык абра аспортбазаҿ ҳлырбааргеит. Ҳлыбаарган, уаагь
ҩбаҟа сааҭ ҳтәан. Усҟан еиҳабыс иҳамаз Рауль Бигәаа иакәын.
Нас, – Ара шәтәаз, снеины еилыскаауеит ҳахьдыртәо, – иҳәан,
дцан сааҭк аҟара дыҟаӡамызт.
Нас, данааи, – Аӡәаӡәала шәыҩуа шәцалоит, – иҳәеит.
Убра абарак ыҟоуп, аихамҩа-цҳа азааигәара. Убра ҳнеины
ҳтәеит. Нас штабс иҟаҵаны иҳаман ҳара убра. Ахырӷәӷәарҭахь
ҳныҟәон – ацҳа зыхьчоз ҳаҟан, убас ҩыџьара-хыџьара иахьаҳхьчақәоз ҳаман. Усҟан авертолиотқәа ишырҭахыз иаҳхан,
иҳаихсуан. Хымызҟа уа ҳтәан. Абри аихамҩа цҳа инаркны
ацеллофан цех аҟынӡа Рауль Бигәаа еиҳабыс дызмаз ҳара ҳрота
иҳахьчон хымзҟа.
Нас аштурмтә баталион ҳәа (актәи аштурмтә гәыҧ ҳәа) Пицунда ҳаизыргеит. Уаагьы хәыҷык зықәра ыҟаз, ақәра змаз
дҟалеит. «Хатәгәаҧхарала» рҳәеит аҧхьа. Нас хатәгәаҧхарала
анырҳәа, ҳара ҳаззегь актәи амш аахыс еицыз аӡә даанхо, аӡә
дцо ҳәа ус ҟамҵаӡакәа, зегь ҳаиццеит. Февраль аказы Пицунда
ҳнеит – уаа хынҩажәаҩык раҟара ҳаицын. (Уажә исгәалашәом

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

цқьа.) Ҳнеит апансионат «Кәыдры». Абри арра уахысуашәа,
асааҭ фба рзы ҳдыргылон, нас ҳаҩуан, аҽазыҟаҵара аруаа
иаҳдырҵон. Аштурмтә баталион ҳәа ҳазыҟарҵон. Ус иагьааит март жәохә, ажәылара ҳәа ҳгәырӷьаҵәа ҳцон. Аҟәа акәын
ҳаҩнқәа ахьыҟаз. Ҳаззегь арахь ҳгәы хьаауан. Асааҭ ҩба реиҧш
ауп ҳәа сыҟоуп, исгәалашәом, уахынла аӡы ҳҭалеит ҳара.
Ҩажәи ҩыџьаҩык ҳаҟан – аҧшыхәра агәыҧ. Аҧхьа ҳцон. Уа
Витали Арсҭаа дыҟан. Уи ивзвод иман ҳашьҭахь дцон. Аӡы
ҳаныр, аҟәара ҳанықәла, ҳаззегь ҳанеиқәшәа, хәыҷы-хәыҷла
ҧхьаҟа ҳцо ҳалагеит. Адҵақәа ҳаман: дасу аротақәа, авзводқәа
адҵақәа рыман – ҳахьҭалаша, ҳахьнеиша. Ҳара ҳақәшәеит Учхоз. Ара, акарта изларбаз ала, аанда ыҟаӡамызт. Ҳара «уыра!»
ҳәа ҳнеины ҳладгылеит. Уа аминақәа ҟалеит. Витали Арсҭаа
дахаҧжәеит амина, Зураб Кархалаа дахаҧжәеит амина, саргьы
сырхәит, Алик Лазба дырхәит. Иршьыз рацәаҩхеит – Ҷыҷыкәа
Ҕәарзалиа, Бориа Инаҧшь… Исгәалашәом, ишьқәаз рацәахеит,
ихәқәаз рацәахеит. Едик Шьанаа жәаа шықәса ихыҵуан, уыгьы
дҳацәҭахеит уа. Ушьҭа иаҳбот ҳаҧхьаҟа ҳашзымцо, иҟаҳҵари?
Арахь ацхыраара ҳәа ҳаҳәҳәеит. Тариел Тапаӷәуа командирс
дҳаман, уыгьы дыхәны дыҟан. Ари иҟалаз аниаҳа (иҷкәынгьы
уа иаҧхьа дтәаны ахысра даҿуп), игәы иазымычҳакәа,
(ишьапакәын ихәыз) ихы данҩаха, аснаипер ихы иаахан, уигьы уа дашьит. Иҷкәын даниба, «папа, папа!» ҳәа аҳәҳәара далагт, аха иҟауҵари, аибашьра – еибашьроуп: аӡә дыҧсыроуп,
аӡә даанхароуп. Нас ашара иалагеит. Убасҟан асааҭ хәба реиҧш
ҟалахьан. Арушьан ишьҭахь (противотанковаиа) аграната ҭан,
азапал ҭаӡамызт. Усҟангьы дацәцеит, рыцҳа. Абра иаахан, ибҕа
иалҟьеит. Играната азапал ҭазҭгьы, уа ҳаззегь ҳаанарҵәон.
Убасҟангьы дацәцеит. Нас, ахьаҵра анырҳәа, уаҳа иҟаҳҵои?
Ашьшьыҳәа ихәқәаз, зшьап иагоз аӡы ҳарит. Зураб Кархалаа ҧшьҩык дырыргон, уи ишьапы хҵәан, Витали Арсҭаагьы
– убас. Ҳарит-агьит, ҳаҧсы ҳаман. Аҧсцәа аӡә иоуп иаазгаз –
Едик Шьанаа.
Жәохәымш раҟара аҩны сыҟан, сышьҭан. Нас ахыр­ҕәҕәар­
ҭахь санаа, ҳа ҳахьтәаз акәымкәа, ацҳа инаркны амшын аҟынӡа
– убрахь ҳдыртәеит. Амшын аҟынтәи калдахәараа тәан аҧхьа,

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

нас ҳара ҳгәыҧ «Ветерок» тәан. Убра Арушьан авзвод акомандирс далхны дҳаман, ҳара ҳгәыҧ аҿы. Алик Лазба арота зегьы
дреиҳабын.
Нас арахь ала ианаму, ахәқәа рыла идәықәлеит. Ҳара ҳҿы,
аиашаҵәҟьа, ахырҕәҕәарҭаҿ ирылаланы ианырҵон. Нас
иҳарҳәеит – ацҳа шәықәлан шәышцо ҳәа, иааҭкааны зегьы
аӡәаӡәала инеины ирарҳәон «изҭахыу» ҳәа. Ҳаргьы, аӡәк иеиҧш,
ҳаззегьы ҳнапы анаҳҵеит, уаа ҧшьынҩажәаҩык рҟынӡа рнапы анырҵеит. Ҳара ҳгәыҧ зегьы цеит. Нас уа аӡәы ахә дааигар акәхеит… Ицазгьы рацәаҩхеит. Иуль хҧа, асааҭ ҩба рзы
установкақәак ыҟан «Змеи Горныи» ҳәа, убри аурышьҭит. «Абри
ахькаҳауа аминақәа ыҵнахуеит, убри амҩахәасҭа шәықәланы
шәцоит», рҳәеит. Уахь ацҳа ҳақәлан ахаан ҳамцаӡацызт. Избанзар, есымша аӡоуп ҳазҭалоз. Ацҳаҿ хәҩы-хәҩыла ҳцон.
Сара, Арушьан, Зураб Аҳашба, Џьан Коҕба, Расим Гоҧиа,
Уаҭар Џьынџьал гәыҧкаҿ ҳаиццеит. Уа, ари ацҳа уанықәслак,
дара ажра жны ирымазаарын. Ҳара иабаҳдыруаз. Ацҳа
ҳанықәлаҵәҟьа, арахь ахысра иаҿуп, ибзиан ҳақәсит. Ибзиан
ахьӡми – ҳрымхәӡеит. Арахь ҳахьынаҧшыз – ацҳаҿ ирацәаҩны
ихәқәоу ҟалеит, ишьқәоу ҟалеит. Ари атрасса анынҵәа (уа ажра
шжыз ҳаздырӡомызт), ҳаууаӡа уахь ҳаҧо ҳалагеит. Ҳаныҧа
– уа ахәцәагь рацәахеит, уа аӡәы ҳиҕрагылт-агьит, иҳәҳәеит…
Нас дҵас ҳара иҳадын – абри ацҳа анынҵәалак, хәҩык арахь
арҕьарахь ицо, хәҩык армарахь ицо. Убас иҟалеит – Арушьани, Уаҭар Џьынџьали, Зураб Аҳашбеи, уа, нас, ажра жны
иҟамзи, убри иахыҵны, абрахь атрасса ианылеит. Атрасса иананыла, ҳара (ихәламзи, арахь ҷкәынакгьы дыхәны дышҭаҳгоз)
ҳаицәыӡит. Ҳанеицәыӡ – ҳара арахь ҳагеит, арҕьарахь, дара
наҟ ицеит. Ушьҭа уа уишьҭалан уцо иҟамызт. Еибашьроуп, дасу
ҳахьақәшәаз ҳцароуп.
Асааҭ быжьба рзы Уаҭар дыхәны, инапы хәны, абас
иҿаҳәаны ҳа ҳҿы дааит. Ҳара убри ацҳа ахьынҵәо, ажра
ахьыҟаз ҳпатронақәагь уа иҟан, ҳмухақәагьы уа иҟан. Нас ҳнеин
иааҳго-агьиуа, убас иҟан аҭыҧ. Сара усҟан спатронақәа нҵәан,
апатронақәа раагаразы ажрахь сцеит. Уаҭар Џьынџьал даауеит.
Сыхьӡ иҳәан, – асҭамыр, снапы гәаҭ, иҧҵәома?, – иҳәеит.

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

Арахь иҿаҳәамзи, ас салакьысын, нас, – Иҧҵәаӡам, – сҳәеит.
– Ара утәаз, ҳанцо ҳаиманы ҳцот, – сҳәеит.
– Ибзиоуп, – иҳәеит.
Сара анахь сцеит. Ҩбаҟа сааҭ аиҿахысра ҳаҿын. Нас амухақәа
гатәын (сара арахь иаҳа иааигәаны стәан). Амухақәа аазгот ҳәа
сахьааиз – Уаҭар Џьынџьал рыцҳа аӡы сырны сдәықәлот ҳәа
далагазаап. Арахь ацҳа аҵаҟа амина шыҵоу иаргьы идыруеит,
ҳаззегь иаҳдыруеит. Ацҳа уҵсны аӡаҟынӡа ҩажәихәбаҟа метра
уцароуп. Насоуп аӡаҿы уаннеиуа. Изымычҳакәа дахьныҵалаз,
жәабаҟа метрагьы дзымнеикәа, амина дахаҧжәеит. Ишьапқәа
рыҩбагьы амнахит. Дааган дышьҭарҵеит. Уа саннеи, Џьан
Коҕбеи Зураб Аҳашбеи идтәалан. Арахь аҧсра даҿуп. Ахәшәқәа
ҳамамзи – ҩба-хҧа иларҵан, аха имыхәеит. Арахь – Зураб
Аҳашбагьы дыхәны дыҟоуп. Арахь – Арушьан дабаҟоу? Арахь
ухы цәыҵурҳәҳәар, аснаипер уикуеит.
– Амала, Арушьан дышшьу сыздырӡом, аха арахь дахьцаз,
аминақәагь ыҟан, ахысрагьы иаҿын (уа аҩнеихагыла гылан,
уҩны уаннеиуа, иаразнак урбарҭан), уи дшьуп ҳәоуп сгәы ишаанаго, – иҳәеит Зураб Аҳашба. – Иҧсы ҭазҭгьы, арахь дмааиуаз,
ҳа ҳахь, – усоуп ҳаззегь ҳгәы ишаанагаз.
Избанзар, ушьҭа ҳҽеизаҳгон. Абасоуп, нас аӡы ҳарит. Аӡы
ҳаныр, ихәыз ахәшәтәырҭахь ҳаргеит. Ҩажәижәаҩык ҳзаам­
гаӡеит аҧсцәа.
Арушьан дагьпатриотын. Нас еицыз ҳаззегь қәралагь
ҳаиҟарамызт – аӡә деиҳабын, аӡә деиҵбын, аӡә зынӡа деи­ҵыбӡан.
Иара ари аҿар иаҳа иҳәатәы харҵон, иаҳа пату иқәырҵон.
236. «Ветерок» аибашьцәа
Сара «Ветерок» ҳәа агәыҧ иҟаз аҿы саннеиз, абри раҧхьаӡа
аибашьра аанкылан ишыҟаз еиҭаналагаз ауп. Сызнеизгьы – Тариел Тапаҕәуа уаанӡа, аибашьра ҟалаанӡа ибзианы дыздыруан.
Уаҳа џьаргьы сымцаӡакәа, абри Тариел игәыҧ аҿы снеит. Саннеи, усҟан Тариел командирс дыҟан уи агәыҧ аҿы, хаҭыҧуаҩыс
диман Витали Арсҭаа. Арушьан [Џьелиа] усҟан аотделение акомандирс дыҟан. Уа ҳаибадырт. Арушьан уаанӡа дсыздырӡомызт
сара, аибашьра ҟалаанӡа. Ҳаибадырт.

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

Ҵаҟатәи Ешыра ацҳа ахаҿы ашкол ыҟамзи, аҧхьаҵәҟьа
итәан ари агәыҧ «Ветерок». Нас аҩнқәа рҿы ҳаҩнан ҳаҽшаны.
Арушьан, раҧхьа, даныздыр инаркны иџьасшьон иҟазшьа,
иааӡашьа зеиҧшраз, аҷкәынцәа дышрызнеиуаз, дышрацәажәоз
дҟәымшәышәӡа. Иара дызлаҟоу аҳәарагьы цәгьоуп. Аӡә имацара изҳәаӡом. Уи ҧыҭҩык урыҿцәажәаны, дызлаҟоу зегьы
еицырымҳәозар, са исзымҳәар ҟалап уи дшыҟаз…
Раҧхьатәи ажәылара (абри ианвар хәба рзы) аныҟаз,
убасҟан ҳдәықәырҵеит. Абџьар змамызгьы ҳаҟан усҟан.
Арушьан иман абџьар. Аҧхьа инеиқәаз – урҭ зегьы ирыман,
аха хәыҷык ашьҭахь инеиқәаз иҳамаӡамызт абџьар. Абџьар ҳәа
сызҿу – автоматқәа роуп, агьыс агранатақәа, амухақәа-агьи –
урҭ зегь ҳаман. Убасҟангьы аҟәараҿынӡа ҳлыбааит. Аиҳабацәа
иҳацыз априказ роур «аӡы шәыр» ҳәа – ҳаруан. Аха аҟәараҿы
ҳаштәаз, «шәхьаҵроуп» ҳәа анырҳәа, ҳгьыжьны ҳҭыҧқәа
рышҟа ҳааит. Нас уа апостқәа ҳаман. Есыуаха ҳамцози абри
ахьчара – Арушьан деиҳабын, командирс дыҟан. Абри аихамҩа
цҳа ду ашьапаҿыҵәҟьа – убракәын иара иахьиҭыҧҵәҟьаз,
игәыҧ иахьырҭыҧыз. Убра ихәнон, илыбаауан. Игәыҧ
ианакәызаалак, убарҭ аӡәы ианакәымыз дцо-агьиуа акәымкәа,
ишрыхәҭаз еиҧш, ишаҭахыз еиҧш, убас есқьынгьы ицон,
ирыхьчон ибзианы. Ҳаргьы ари Тариел ииҳәо ҳахыҧаӡомызт.
Ирҳәо ҟаҳҵон. Абри ацеллофан цех ҳәа убра иҟоуп, уанӡа,
аибашьра ҟалаанӡа ацех гылан ацеллофан ахьҭрыжьуаз. Убри
инаркны ацҳақәа рҿынӡа ҳара иҳахьчон.
Ус ҳшыҟаз, априказ ҟарҵеит абри аштурмтә гәыҧ аиҿ­
кааразы. Нас, раҧхьатәи абри ажәылараҿ игәарҭеит усҟаара
аҧышәа шҳамамыз, аибашьра шаҳзымдыруаз. Убри азыҳәа
агәыҧқәа, аротақәа-агьи ибзиан еидкылан иҟаҵаны Пицундаҟа
иргеит. Уа ҳахьнеиз аҽазыҟаҵара ҳалагеит. Аха қәралагьы уа
зегь ҳаиҟарамызт. Хәыҷык зхыҵқәоз ыҟан, иҷкәынцәаз ыҟан.
Ҩынҩажәижәаба зхыҵуазгьы жәаа зхыҵуазгьы еиҧшны
ҳдырыҩуан, ҳдырҧон. Урҭ зегьы ҳаиҧшны иаҳзыҟаҵомызт,
аха ҳкомандирцәа, зегьы аӡәк иеиҧш, убас «ак ҳдырҵандаз,
абри аибашьышьа ҳдыруандаз» ҳәа ҳаҟан. Зегь ҳгәы иҭаз

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

акакәымзи – аҕа иқәцара. Аӡәык-ҩыџьак абас имараҳәқәогьы
– урҭгьы ҳалан, аха убарҭгьы рацәажәашьа идыруан Арушьан.
Урҭгьы инапаҿы иаагон, рыгәшәымшә ҳәаны-агьины. Убас изнеишьа ыҟан. Ианамуагьы, аҿацаҳәа илеишәа рыцәгьаны, абас
драцәажәон.
Убри ашьҭахьы, уаантә ажәылара ҳдәықәымлози, ҳҭыҧ
ашҟа ҳааргеит – Ешыра ҳахьтәаз. Аха ҳара иахьаҳдыруаз аҭыҧ
акәымкәа, ацҳа аҵыхәашҟа, убрахь ҳақәшәеит. «Убра аӡы
шәырны шәжәылароуп» рҳәеит. Усҟан иара авзвод акомандирс
дҟалахьан – Арушьан. Тариел арота акомандирс дыҟан, Витали
Арсҭаа уи ихаҭыҧуаҩыс дыҟан. Нас убасҟан ажәылараан, 15–
16 рзы ҳара ҳгәыҧ аӡәгьы даанымхакәа, ҳазынтәык ажәылара
ҳцеит. Жәылара ҳцеит аӡы ҳарны. Нас, ус апланқәа ҳаҭан
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 17