Latin

Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 15

Süzlärneñ gomumi sanı 3488
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2347
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иамуӡакәа иҟалар, уи наиҕрысымҳәои…
Ахаҳә сшьапы ианааха, стәеит. Аиаша уасҳәап, имшәо агаӡа
иоуп, ахаҳә иааиз са сзы бомбан, сгәы ҭҟьеит. Даҽа хаҳәк
иршәын, даҽак ааит. «Тссу-у, потихонечку» ҳәа бжьык саҳаит.
Ҳнеизар, абар иахьыҟоу Басиаҭович, Едик, Саша. Аблиндаж

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

аҧықә аҿоуп ҳахьгылоу. Иҟаҳҵои?
– Сейчас начнем работать, – иҳәеит Едик.
Сара сиртәеит, егьырҭгьы иахьцаша, ируша реиҳәеит.
Басиаҭовичи Едики еицны ицеит, Ванкеи Сашеи арымарахьала ицеит. Ҧыҭрак ашьҭахь хәыр-чырҳәа быжьқәак саҳаит, аха
хысра ыҟаӡам, ҳәызбалоуп аус шыруа, ҳәызбала. Аблиндаж асаса еимыхны иааит.
Аблиндаж уҭатәахьоу? Ацәара уҭаххоит аблиндаж уанҭа­
тәалак. Ашьшьыҳәа унеины, «унасҭха» ҳәа иоуҳәоит, ашьыр­
қьҳәа инаилауҵоит. Амала иҿы ааныукылароуп «ҳыыҟ»
имҳәаратәы, уи ауп.
Иуасымҳәеи, жәабаҟа минуҭ цахьан еиҧш, иааит автоматқәа
рыман. Аказыҳәан ирҭаххазар акәхап. Са сыцәахьан,
сахьынатәаз сагеит. «Ҧахә» аасаҳәҿгеит. Сааҧшызар, –
Ҿыумҭын! – иҳәеит Басиаҭович, дысхагылоуп. – Уиас, ҳаҧхьа
угылан уцала, аӡы уҽҭоумыжьын...
Аӡы агәызҳәа уҽҭаужьыр, ахысра иалагоит. Аҭалашьа, ахысшьа дара ирбахьан, сара иалздраауааз. Уигь ҵатәхеит.
Ари са сзы раҧхьатәи вылазкан. Сырнаҭит.
Уахык Басиаҭович ҳаиҭадәықәиҵеит: – Аусҭановкақәа рыла
иахьынтәихысуа еилышәкаа, – ҳәа ҳаиҳәеит.
Ҳцеит Ванкеи сареи. Асааҭ жәаҩа рзеиҧш ақырҭцәа ахысра
иалагоит. Аарцә, аҟәараҿы саанижьын, Ванка дцеит:
– Ара уҟаз, усзыҧшыз, – иҳәеит.
Стәоуп, стәоуп, стәоуп… Х-сааҭк ҵит, дыҟам. «Гәыр-гәыр
гәыр» ҳәа бжьык саҳауеит, трактору, танку сеидру, крызбахьоума иааигәаны. Ҩышәҟа метра бжьоуп, иааин агәызщъа ианхыс,
ахаҳә сахьықәтәаз сықәыҩрны скаҳаит, «сеиқәа сҟьашьит».
Иҟалаз сзымдырт. (Сахькаҳаз сқьышә ҩықәқшан, сҧынҵа ашьа
ааит.) Атанк ахьааиуаз, иахьынтәихысуаз гәаҭан дааит Ванка.
Хыхь ҳаҩхалеит.
– Иухьи? – иҳәеит Басиаҭович.
– Исыхьи, сқьышә ықәқшеит, – сҳәеит.
– Аҽада, еҭарагь уцәт ҳәа саауп, – иҳәан, днасыдҵын дцеит.
Иалыухи, Басиаҭович агранатомиот дашьҭалт. Гәымсҭа
хыхьтәи ацҳа инаркны амшын аҟынӡа хҧа заҵәык ыҟоуп.

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

Иҧшааит агранатомиот, аха иалаурхысуада?! Ахысрагь аҭа­
хыми, са иалздрааи! Аҵхараз саҵхап, аха акылҧшрагь аҭахуп.
Иалахысуаз Џьырхәатәык дҳаҧшааит. Уажәшьҭа иҟаҳ­ҵои?
Едик, Саша, Басиаҭович, ванка, Џьениа Шьаақьыр-иҧа, сара
ҳаицны ҳцеит. Иҧжәатәуп ани БМП. Сара аарцә сынрыжьын,
дара лыбааит.
Кыргьы иҧшит, аха БМП мааӡеит, ҩыжәра ицазар акәхап.
Қьафура рымамзи, Аҧсны амал иаламҭхаџьуази. Амни
аӡымҩангага аҟынтәи пулемиотчикк аус иуан, убри исаса
еихарџьгәеит.
219. Аӡмахаа рҳабла иатәыз аҷкәынцәа
Ҳарҭ Дәрыҧшьынтә еицеибашьуаз ҳҕьырак, аӡәык-ҩыџьак
рыда, ҩ-бригадак иалҵыз ҳауп. Аӡмахаа ҳәа иҳашьҭан. Убра,
ҳҳаблаҿ аӡмах ҭатәаны иҟоуп, адәгьы амоуп. Убра ҳаны­
хәыҷқәаз ампыл ҳасуан. Иагараан уи аӡмах ҳҭаҳахьан. Иааи­
лахәлаанӡа адәы ҳақәын, ҳҭаацәа мчыла ҳақәырцон. Лассылассы аныҳәақәа раан адәаҿы аицлабрақәа мҩаҧыргон: аҩра,
аҧара, аҽырыҩра уҳәа. «Аӡмахаа ыҟамкәа изакәытә еицлаброузеи?!» рҳәон дәрыҧшьаа. Ҳҭаацәа ргәы иахәон аҧхьахәқәа
анаҳгоз, амала есымша ҳахнаҧааны ҳахәмарларгьы рҭахымызт:
– ашәҟәы иаҧхьатәын, аҽага ктәын, ажә аацатәын...
Арра санца, ҩба-хҧа километра аҩра хьаасгьы искымызт,
алымшара захьӡу сыздырӡомызт.
Саб иҳәо саҳаит: Анкьагь амшаҧ азыҳәан аҿар еизаны абри
адәаҿы аимҵакьача иасуан. Нас рыззегь рҽеидкылан ҳаҩны
еизон, аҳаҧшьа хдыртлон, афара-ажәра ҟарҵон. Аимҵақьача
зҽалызкааз ахаҿы ддыртәон, аҳамҭагьы ирҭон.
Аибашьра ианалага, аӡмахаа хҳҽеидаҳкылеит, хәҩы-фҩы
аҷкәынцәа: Гена Гәымба, Баҭал Тәанба, Мераб агәмаа, Дима
Абҕаџьаа, Хьымца Тәанба, Аслан Шьаҟрыл, Рома Тәанба…
Гәымсҭа ацҳаҿ асклад ахьыҟаз ҳҭып ылаҳхит. Ҩ-автоматки зениткаки ҳамоуп...
Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса сентиабр ҩажәи
жәеиза рзы арациа ҳшадтәалаз ҷкәынак дыҩны дааит: – Атанк­
қәа хыҵт! – ҳәа.

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

– Уа утәа, уа утәа, иуҳәо закәи! – ҳҳәеит, паниказ џьаҳшьеит.
Какалиа иҟынтә ауаҩы дааит «ихьаҵтәуп» ҳәа. Ухьаҵны уабацо?!
...Агәгәаҳәа атанк ықәлан иҩеиуеит. Ашкол ала ихәнан,
аихамҩа цҳа иаахәыҵсит. (Иаурысқәан иақәтәаз.) Иаангылан
ҿырҭуан: – Апехота абаҟоу? – ҳәа.
Атанк апехота ацымзар, акгьы азыҟаҵаӡом, агәаҕь змоу
длақәҧалан иааникылар ҟалоит. Апехота ацны иаараны иҟан,
аха ирҳмыжьит, ДШК ала ирыжәҵан, иҧхьаҳцеит.
Аурыс ир рганаҿ танкк ҧыржәеит ҳа ҳтәқәа, танкк амина
иахаҧжәеит, егьи ахьцо аздырӡом, ахагьежьра иаҿуп – абашниа гьежьуеит, ихысуеит ҵакыда...
Уи ажәылара акгьы рзалымхӡеит ақырҭқәа. Ацҳа аҟынтәи
ашкол аҟынӡа ишаҳкыц иаҳкын. Нас ацхыраара ҟалеит,
ачеченеццәеи аҟабардақәеи ҩеит...
Леонид Арзынба игәыҧи ҳареи аҧхьа ҳаидҳәалаӡамызт.
Ҳарҭ абаталион анапаҵаҟа ҳаҟан. Ашьҭахь, азениткақәа
рацәаны ианҳау, ҳҽеидаҳкылеит. Абатареиа еиҿаҳкааит, иаҳа
ҳшьақәгылт. Уажәшьҭа ҳазҿыз аадыруан. Ахҧатәи абаталионаа (аиҳабы Қәҭелиа) ҳрыдҳәалан, адҵа ҳзықәдыргылон
ажәыларақәа раан, аџьаҧҳаны, афатә-ажәтә уа иҳауан.
220. Басиаҭович иҭаҷкәым
Аурысқәа иҳацыз атехника рыҿҵаара ҳаҿын. Башкир,
Чиорныи капитан, Малыш – Аллаҳ иныҳәааит, атәы бзиаҵәҟьан
ирдыруан. Исыцны ииз џьыушьо азенитка?! Ак ҳнарҵақәеит
аибашьра, иара ҟамлар иаҳа еиҕьын...
Ианартәи ажәылараан иҳамаз зениткаки пулемиотки ры­
ла прикрытие ҟаҳҵон. Ҳусушьа ар реиҳабыра иргәаҧхеит. Нас
ҳамҩақәа аатит ҳагәра ргеит. Аџьаҧҳаны ҳазымҭоз кьоу­
шәоуқәак ҳарҭо иалагеит, иари уигьы цәгьаҧсышьала, ҳшьам­
хнышгылан ҳрыҳәон (аҩныҟа иаҳго џьушьап).
Ешыра аӡә игәарҧаҿ аихатә трубақәа ықәжьын, ҳиҳәо-ҳичо
ааба имаҳхит. (Уигь Дәрыҧшьҟа иааганы сыҩны ишьҭаҳҵоз
џьушьо.) Аа-стволк змоу НУРС-қәа ҳнапала иҟаҳҵеит. Раҧхьатәи
аҧышәаратә хысрақәа иҟаҳҵаз ҳхырҕәҕәарҭақәа рааигәара

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

иҧжәеит. Бзераны ҧсыҭбара ҟамлеит. Нас Хәыма [Кәаӡба]
рыцҳа, атруба дылкылҧшны, иахьаауҭахыз иҭаиршәуан.
Ахра Арӡынба дабиҧазаҵәын, ашырахь днаҳмышьҭырц
ҳалагон, аха иузынкылода, рыззегь раҧхьа дқәацә-қәацәуа
дцон. Ихы лаирҟәуа џьушьо, уи ҧхашьароуп иара изыҳәа,
арахь – дҩызӡа. Ашәхәаҵаа Сасрыҟәа, Ласариа Ахра – қәыџь­
мақәан иҳазнеиз аҿар. Урҭ неиаанӡа сара дыш­сыҕ­рагылац
дсыҕрагылан Басиаҭович, ианааи, «аотпуск» сцеит, «оф
гәышьа» сҳәеит. Са исаахоз, дара ираахо иалагеит. Аӡә ак
ихаразар, са сыла далагон, заҟантәы «сипҟахьаз» Аллаҳ
идырп. Уеиҳабы уиҿагылан узиеисуоо? ДШК дымрыцқьазар,
имҵаакәа ак ҭдырҟьазар, амашьына тех­осмотр ҟарымҵазар,
«аҿақ» аасҿыҵиргон зегьы ишырбо.
– Абаа умгәаан, апориадок ас иалаҟаҳамҵар, иҳампы­
ҵыҵуеит иаҳзеизаз аҿар, – иҳәон Басиаҭович.
Арҭ ахәыҷқәа анҳазнеи, «ахкаара сҭалт», са исаахоз дара
ираахо иалагеит.
Еиҳаб дыҟанад, еиҵбы бзабаа ибараны дыҟоума!
***
Аинышәара ҟалеит анырҳәалак, ҳгәы аиҟәжәара иалагон,
иаҳҭахӡамызт. Аполитикцәа иаҧшьыргон, урҭ рус хазын. Аха
aҕацәa ирзеиҕьын, ҳала ишабоз аминақәа ыҵарҵон. Уреихсыр
ҟалаӡом, арахь дара хысыр ҟалон. (Аа, убоо, снапқәа аҵысра
иалагеит.) Ацҳаҿ еиқәшәалон дара ртәқәеи ҳара ҳтәқәеи. Сa
сызрыхәаҧшӡомызт, сыла ашьа хыҵәҵәалон.
221. «Сышҧаҽкасыжьуеи!..»
Ҽнак Ешыра ҳахьтәаз дааит Иура Шьаҟрыл иаб Ваниа.
Ҳахьтәоу, ҳазҿу ибар иҭахын. Дрыман инеиуеит уажәы.
– Ваниа, ара уҩроуп, – рҳәан, – Ишҧыкәу сшыҩуа! – иҳәеит.
Ҳахьтәаз данааи, аҧсшәа ҳаиҳәеит. Афатә цәырыргеит,
ҧаҭлыкак ауаткагьы аахдыртит. Фырџьанк наиҳаркит. Ҳгылоуп
ҳаззегь. Убри аамҭаз абзарбзан аҧжәара иалагеит.
– Ваниа, уҽкажь! – ҳәа ҳаҳәҳәеит.

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

– Сара аҵәца скуп, сышҧаҽкасыжьуеи, саҧсыуоуп! – иҳәеит
Ваниа.
Ҳааибарччеит.
222. Аконфедератцәа
Аконфедератцәа ааит ҳәа ҳаҳаит, аха ҳала иамбацызт. ҽнак
Тәанба Мазик имашьына иҩанагт. Агәгәаҳәа илыбаауеит –
равтоматқәа, р-«мухақәа», ргранатаҭырҟьагақәа – еиқәных.
Срыхәаҧшын – ақәыџьмақәа.
– Акы шәацәымшәан! – рҳәеит.
Ахырҕәҕәарҭаҿы инеин, агәыр-гәырҳәа иоурыжьит, амца
ацрарҵеит Гәымсҭа нырцә. Aҕaцәa ргәы рымҟьеит, ҳара ҳаҧсы
ҭало ҳалагеит. Убасҟан ақырҭцәа акгьы шырзыҟамцоз аадырит.
223. Аиашьа иашьа ила дыӷәӷәоуп
Асовет аамҭақәа раан алозунгқәа кыдын «Аиашьа иашьа
ила дыӷәӷәоуп» ҳәа. Асовет ҳәынҭқарра аилажьраҿ иаҳнарбеит,
иӷыӷибагон акәымзар, ешьара ӷәӷәарас ирылаз егьшыҟамыз.
Уи алозунг иаҳәоз ииашацқьаны иныҟәызгоз, аринахысгьы
иныҟәызгараны иҟоу аԥсуааи адыга хылҵшьҭреи ҳауп. Аибашьра ҟалаанӡа адыгаа рыҿгьы, ҟабардаа рыҿгьы, аиашьаратә
еиҭанаиааирақәа ҳабжьан. Хҩык аколнхарақәа рнапхгаҩцәас
иҟаз Гәыргәлиа Игори, Пилиа Вовеи, сареи акырынтә дара
рреспубликақәа рахь ҳцахьан. Даргьы ҳара ҳахь иаауан.
Аиашьаратә еизыҟазаашьа ҳаманы, иааҳрыхуаз ақыҭанхамҩатә
аалыҵқәа еҭнаҳԥсахуан.
Адыга республикаҿ дыҟан Кашиҳабл араион аекономист хадас аус зуаз, ҳҩыза гәакьа Султан Киков. (Ԥсаҭа шкәакәа, аибашьра ашьҭахь дыԥсит.) Султан аԥсуаа ҳзыҳәа гәык-ԥсыкала
иҟаз уаҩын. Аҭаацәара хазына еиҿкааны иман, ԥшьҩык аԥацәа
драбын. Иԥшәма Мира лашьцәа реиԥш акәын ҳашлыдылкылоз.
Рхәыҷқәагьы даргьы рылаԥхьара акыр иаԥсан. Рыҷкәын
аиҵыбӡа хышықәса ихыҵуан, Ҳазарҭби ихьӡын. Игоргьы саргьы уа ҳаҟанаҵы, ҳара ҳҿакәын дахьышьҭалоз.

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

Зны Сулҭан ус иасҳәеит:
– Уԥшәма Мира, ҳара ҳҭаца, уара ууаҩра иақәнаго лоуп.
Алахьынҵа бзиа уман, Анцәа иџьшьаны, – анысҳәа, дара хаҵеи
ԥҳәыси еизыгәдуны, алаф рылеибахуа иалагеит. (Лара дыстоматологын.)
– Уара, ари бзиа дбаны даазгаз џьышәшьома, слызгәааны
ауп дшаазгаз. Схаԥыц сыхьуа иалаган, лара аус ахьылуаз снеит.
Аҳақьымцәа аӡәгьы дсыздырӡомызт, схаԥыцгьы убысҟан адагь
исмыхьцызт. Дқәыԥшны данызба, «исмырхьӡакәа иҵылхып»
сгәахәын, лара лҿы снатәеит. «Иуыхьуа иарбан хаԥыцу?»
ҳәа дансазҵаа, исыхьуаз сҿы аартны илсырбеит. Арыҭәа
аашьҭыхны схаԥыцқәа днарылалан, исыхьуаз акәӡамкәа, ис­
мыхь­уаз, сшыҳәҳәоз, иааҵылхит. Убри ала ҳаибадырын ҳаи­
насыԥхеит, – иҳәеит.
Лара ус аҭак ҟалҵеит:
– Ихаԥыц ихьуаз ыҵысхызҭгьы, иахьа ара даҽа ԥҳәыск
дҟалон. Ихаԥыц ҿыӡгас иҟаҵаны, дцо-даауа, ҭаха аасимҭеит, –
лҳәеит.
Дара рааигәара аӡиас Лаба ииасуеит. Ҽнак, – Ҳашьцәа
аԥсуаа ааны исҭоп ҳҽыкәабарҭаҿ шәнеи, – ҳәа реиҳәан, гәыԥ­
ҩык иҩызцәа, ахацәа заманақәа ааит, афатә-ажәтә рыла рҽеи­
қәыршәаны.
Аҽыкәабарҭа амшын аԥшаҳәа еиԥш, аԥслымӡ кашьшьы
иҟоуп. Аӡы, имыццакӡакәа, ишҵаулоу удырыртә ԥшьаала
ицоит. Акраҳфон арыжәтәгьы имыррацәакәан иаҳжәуан, ашора
ҳа­наклак, аӡы ҳанҭало қьафура ҳаҿын. Игор дразҵааит: – Аӡы
аҵаулара шаҟа метра ҟалари? –ҳәа.
– Хәба, фба раҟара иҟалоит, – иҳәеит руаӡәк.
– Аполлон, уааи уаҵәы амашьына аԥсҟы акра ықәҵаны
ҳаисап, – иҳәеит. (Иаашар Ҟабардаҟа амҩа ҳақәлон. Амашьына
аԥсҟы акра ҳацәаашьон. )
– Аӡы аҵан аҟнытә ахаҳә ззаамгаз аԥсҟы икуеит, – иҳәеит.
Аӡсаразы сыбзиан, саныхәыҷыз аахыс Мықә аԥшаҳәаҿы
исызҳаит. Дӷамшь аҽыкәабарҭа змам аӡиас ааигәара инхо
«сышԥаизымиааиуеи» аасгәахәын ҳаисеит. Егьи Игор аҩыс­

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

ҭаара ӡбаны имазаарын, аӡы аҵауларагьы дзазҵаазгьы уб­
ри азын акәзаарын. Аӡы ҳааҭалан, агәҭахь даннеи, ихы
ҵаарҟәрыланы аӡы аҵахь дцазшәа ааҟаиҵан, даахәыҵҵын,
ахаҳә ыршәны аӡы иалаижьит. Аӡы данҭалоз ахаҳә итрусик
иавҵаҵаны имазаарын, сара сыда зегьы ирдыруазаарын.
Хӡааҟәрыла ҟаҵаны сцеит, сцеит аха аҵанӡа сызнеиуам,
слымҳақәа рыбжьы го ианалага схәыҵыҵит. Аӡы ахықәаҿ
санааи, зегьы аччара иаҿын.
– Аӡәгьы шәзымиааиӡеит. Уаҵәы аԥсҟы сара искуеит, –
иҳәеит Султан.
Ҳҽахьаҳкәабоз, плиажс ирымаз, зегьы еиқәшаҳаҭны «Мыс
Аполлона» ахьӡырҵеит, иахьагьы ус иаанханы иҟоуп.
Абарҭқәа зегьы ҟазҵо аизааигәара, агәеизыбылра ауп.
Адырҩаҽны Ҟабардаҟа амҩа ҳақәлеит. Сулҭан амашьына аԥ­
сҟы икит. Хаха-хымш ҳаанкыланы ҳрыман, ҳаурышьҭуамызт
Баксантәи араион Куба ақыҭаҿ. Шықәсык аԥхьа абжьаратә школ
аҵаҩцәа Кәтол ақыҭан рырҵаҩцәа рыцны рыԥсы ршьон. Игор
аколнхара ахарџь ала, Аԥсны иахьабалак иакәыршаны идирбахьан. Уи ргәаларшәаны ҳаимакны акәын ҳшырбоз.
Ҽнак хәыԥшӡарак аҟны ҳхагаланы, ауасашьтәа шьны,
ҿык-бзык иамҳәо пату ҳақәырҵеит. Ахәы аԥшӡара шыҟаз ала
ацуныҳәара ахьыҟауҵаша ҭыԥын. Ари ахәы ахьӡгьы сазҵааит.
– Куаба таба ахьӡуп, – рҳәеит.
– Шәареи ҳареи ҳшеишьцәоу, абри аҭыԥхьӡ алагьы уаҩы
идыруеит. Асеиԥш иҟоу аҭыԥ аԥсыуала «ҟәаԥа-ҿаԥароуп», – ҳәа
анрасҳәа, џьашьахәыс иркит.
Уа ҳаҟанаҵы есҽны ауасашьтәақәа ҳзыршьуан. Аҩныҟа
ҳандәықәла, аколнхара аиҳабы Николаи Озови, ашкол аҵара
аҟәша аиҳаби Абдулқьырыми, – Нальчикнӡа шәнаскьаҳамгар
ҟалом, – рҳәан, иреиӷьыз аресторан аҿы ҳнаган пату ҳа­қәыр­
ҵеит.
Астол ҳшахатәаз Озов, саахәмаршәа ус иасҳәеит:
– Ҳарҭ аԥсуаа аҩы еиҳа еиӷьаҳшьоит, ҳааижьҭеи ауаткажәра
ҳаҿуп. Ауасажьы, ҳәарада, пату ҳзақәуп, аха аџьмажьы еиҳа
еиӷьаҳшьоит, – анысҳәа, иара ус аҭак ҟаиҵеит:

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

– Ҳара ҳҿы аџьма шьны аҩы аныржәуа хаҵеи ԥҳәыси
анеилыҵуа ауп, – иҳәеит.
Абас алафқәа ҳалеибыхын, гәаартыла ҳаицәажәаны ҳаи­
ԥырҵит.
Амҩан ҳанаауаз Маиҟәаԥ амашьына абылтәы ҭаҳҭәарц
ҳахьаадгылаз, иахылаԥшуаз, ҳмашьына абак азна ҳазҭеиҭәан,
ҳшаԥсыуааз анеиликаа, – Аԥсуаа аԥара рымаҳхӡом, – иҳәан,
аԥсраказгьы аԥара имгеит.
Уаҳагьы ҳаибамбаӡакәа аибашьра хлымӡаахра ҳнала­дыр­
гылеит ақырҭуа фашистцәа.
Ақырҭцәа хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы, абри аҩыза ажәақәа
злаз ашәа аԥырҵеит: «Аԥхази, Оси, Қарҭвели да Аҷарели ӡмеи­
бварҭ» ҳәа ишәаҳәон асцена иқәгыланы. Ашәа ирҳәоз иаанагоз – «Аԥсуаа, Ауаԥсаа, Ақырҭцәа, Аҷоуаа – ҳаишьцәоуп»
ҳәа акәын ирҳәоз. Аиашьа иабџьар шьҭыхны иашьа дишьуама? Ҳхы ршьышьны ашәа ҳанҵаны, ҳгәы ырԥшааны, ирҭахыз
ҳаларыгӡаларц акәын ирҭахыз. Ус ианалымҵ ауп ианҳабашь.
Ҳабацәа хылҵшьҭрала ирзааигәаз пату рықәырҵон. «Ажьрацәара ахала ахы унардыруеит» рҳәон. Ҳмилаҭ арыцҳара иа­
нақәшәа, дара роуп раԥхьаӡа шьапыла ашьхақәа ирхыҵны,
Аԥсны аиқәырхаразы иаҳзааз. Сара хаҭала ргәыбылра ду сы­
моуп.
Аибашьра аан Лакәыт Гудоуҭантәи Тҟәарчалҟа санигоз, Гена
Карданов (Аԥсны афырхаҵа) игәыԥ иманы Лакәыт ибаталион
ахь иааигон. Ақалақьаҿ ҳахьеизыргоз ҳаибадырит Генеи сареи.
Ҟабарда аҩызцәа бзиақәа шҳамоу, аешьара ҳшеибарго атәы
изеиҭасҳәан игәы иахәеит. Гена уаҩы лахҿыхк иакәны дызбеит, иҟазшьа бзиан. Ашәа ҳәаны, ицеибашьуаз ргәы ирҿыхон. Уа
ҳаштәаз аҳаиртә баӷәазахь ҳдәықәлаанӡа, Гена адыгаа рашәа
«Синана» аҳәара даналага, уи ашәа ибзианы исҳәон, «Ерцахәаа»
ҳрепертуар иалан, ианрыцысҳәа, уамак ала игәы иахәеит.
Гәдоуҭантәи Тҟәарчал ҳаанӡа ашәа шиҳәоз ҳааит.
Аибашьра ахламӡаахра цон, Гена дыхәны Тҟәарчал ахә­
шәтәырҭаҿ дышьҭазаарын. Ашықәс ҿыц азы ирхәыз ра­
цәахан, Игоргьы саргьы ихәны ишьҭаз рбара ҳцеит. Ачы­
мазаҩцәа ахьышьҭаз апалатақәа ҳашрыҩназ, аҳақьым ха­да

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

Гәынба дааҳадгылан, – Аума ҳақәшәеит, ҟабардатәык дыхә­
ны даарган, ишьҭахь итәарҭа абаҩ аҟынӡа дхәуп. Иаҳӡахын
«аибашьра сцароуп» ҳәа ҭаха ҳаиҭом, арахәыцқәа алаҳ­хаанӡа
даангылароуп. Шәҳәатәы иаҳауазар, шәҳазиацәажәа, – ҳәа
дҳаҳәеит.
Ҟабардатәи аниҳәа, аҳаҷаҳәа Гена сгәы дҭашәеит, иара
дшыуаҩы ццакыз збахьан, дахьышьҭаз саныҩнала, дҩагылан,
сааигәыдиҳәҳәалеит.
– Судырма? – анысҳәа, – «Синан» сыцызҳәоз уами, – иҳәеит.
Нас издыруаз ала сиҳәеит: – Арахәыцқәа алырхаанӡа уаангылароуп, – ҳәа.
Иара, «аббы ихга», мап икит:
– Сышьҭахь стәарҭа «царапинак» аиоуит ҳәа ара сыш­
ԥаангыло! Арахәыцқәа рхала иалышәшәоит, иамуӡозар, сҩыз­
цәа иалырхуеит, – ҳәа симырцәажәеит. – Уара, ҳара аҟа­бар­
дақәа ԥшьышә нызықь ҳаҟоуп, шәара ҳашьцәа аԥсуаа, шәнызқь
шәыҟоуп. Ҳара аҟабардақәа аԥхьа ҳцалароуп. Шәара шәахьмаҷу
азы ҳашьҭахь шәгылазароуп, – ҳәа саҳәаны сгәы ааирԥшааит.
Ԥыҭрак ашьҭахь (амза сгәалашәом), Ҷлоу аштаб аҟынтә
аҩныҟа сшаауаз, Ҭхьына аҳаирпланқәа ахьтәоз сахьаакылсыз, Гена дахьгылаз сааидгылеит. Ицеибашьуаз жәаф шықәса
зхыҵуаз ҷкәына қәыԥшк дицны. Аҳаирплан аара ԥыҭк бжьан
издыруан, – Аҩныҟа шәаалароуп хышә метра роуп ибжьоу аҩ­
нынӡа, – ҳәа иасҳәан, дақәшаҳаҭхан, аҩны исыманы сааит.
Абыргцәеи дареи еибасырдырит. Сан рыцҳа, – Ари дхәы­
ҷыми дзеибашьуама? – лҳәеит.
Саб уаанӡа ҳҩызцәа ҟабардаа ҳаҩны имбахьази, – Иҳа­
цеибашьырц иааит, – ҳәа аниасҳәа, даара игәы иахәаны даа­
рықәныҳәеит.
– Сара ԥыхьа уҩызцәа аҟабардақәа аныҟазгьы ирасҳәахьан,
дареи ҳареи ҳшьа иҳалоу акоуп. Арҭ рхымҩаԥгашьа
санахәаԥшуа, ажәытә саб ихаан аламыс иныҟәыргоз сыла
иаахгылоит. Атәым милаҭ иацы иааны иҳаланхаз рҟазшьақәа
шьҭышәхит. Нас иаахьаҳәын, «адгьыл ҳара иаҳтәуп» ҳәа
иҳабашьит. Ажәытәуаа ражәаԥҟа «атәым рбаӷь ааины, аҩнытә
рбаӷь дәылнацеит» – абри ауп аԥсуаа иҳахьны иҟоу. Аибашьцәа

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

Ан­цәа дышәхылаԥшааит! Аиааира шәара ижәгоит, Анцәа ду,
суҳәоит!
Иааиҳәаз зегьы еиҭаганы ирасҳәеит. Даара дигәаԥхеит абырг.
Саб ахацәа рацәажәара игәы азгәышьуа дыҟан. Иа­жәақәа данаарылга, аԥацхахь исыманы ҳаҩналеит. Аԥацхаҿ акамбашьжьы ҵааны икнаҳан. Сҩыза Ардаш Аведиан, лабраа рколнхара
аиҳабы, ақырҭцәа ихдырҵәан сара сҿы дыҟан. Ихы рацәеишьазар
акәхап, иқыҭаҿ дцан ҳәадук ааиган иҵааны икнаҳан. Жәаҩык
ихдырҵәаз саҳәшьа лҭаацәа аҩны иҳаман. Арҭ ҳасасцәа аҳәажьы
шырымфо сымдыруази, ашьамаҟа ажьы кнаҳауп, армарахь –
аҳәажьы. Ишәфарц иарбан кәацу иалҳхра сразҵааит:
– Ты знаешь, Аполлон, длиа нас все равно, они риадом
висиат, – иҳәеит.
Ҳааибарччан, акамбашь ажьы ҳзырӡын, крыфа-крыжә
аҳаирпланқәа ахьтәоз ахь ҳалбааит. Ауха иԥырны ицеит, адгьыл
ду ахь. Гәдоуҭа – адгьыл ду ҳәа ҳҳәон рациала ианеицәажәоз,
аӷацәа ирзеилымкаарц азы.
Гена Гәмысҭатәи афронт аҿы дахьеибашьуаз иахьтәаз аснариад рылаҳан, ааҩык ашьит. Иԥсыбаҩ амадоуп иабацәа
рыдгьылаҿ.
Хашҭра рықәымзааит зхы ҳақәызҵаз зегьы!
224. «Иаҳхареи?..»
Ари, ҽнак рациала иаарыцҳаит: «Ирлас шәҽеибыҭаны
Ешыраҟа шәҭал, акаамеҭ ҟалеит!» ҳәа. Сара адәахьы сыҟан.
Аҷкәынцәа иаразнак рҽааиларҳәан, рыззегь аддаҳа идәылҵны
иеихеит. Аӡә дааин, – Пыжь дымгылаӡеит, – иҳәеит.
«Ак ихьт» ҳа сгәы иаанагеит. Пыжь Гобечиа зегь pаҧхьa
зҽеиқәзыршәоз дреиуан, амала ибыз цәгьан, бааҧсыла алаф
иҳәон. Иалыухи, сыҩны снеизар, аҭӡамц ахь иҿы нарҳәны
диоуп. Анс сҳәеит, арс сҳәеит, аха сықәҿиҭуам, днаҳәны дышиац диоуп. Инапы ааныскылазар, дыҧхаҷыҷараӡа дыҟоуп.
Даасырҳәит. Убри аамҭаз аҕьҕьаҳәа дҩагылан даасҿаҧшит,
нас иҧшра аарцәгьаны, – Иҟалеи, шәаҳҟәамҵо уара, Арӡынааи
ақырҭқәеи ак еимаркзар, ҳа иаҳхареи?! – иҳәеит.
Аҟырҟырҳәа зегь ҳааибарччеит еилагылақәаз.

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

225. «Ухынҳәы, ухынҳәы!»
Ҽнак, дырҩегь рациала иаст: «Шәҽазыҟаҵан алада, Гәымсҭа
шыҟоу шәылбаа!» ҳәа. Рыззегь атта-ттаҳәа рееиларҳәан
ицеит. Анзор Кортуа ашьшьыҳәа аҽеилаҳәара даҿуп, «мызк
ашьҭахь улеи» ҳәа иарҳәазшәа. Ҳмедеҳәшьа Аксана дџьашьаны
дихәаҧшуеит.
– Уабацои, Анзор? – лҳәеит.
– Ирҳәаз бмаҳаӡеи?!
– Ухынҳәы, ухынҳәы! Уажәшьҭа еибашьны арахь игьежьуеит,
– наиаҭалкит Аксана, аччара дакуа.
226. Гагратәи ажәылара
Абас ҳшыҟаз, Гагра ауыс ҟалыит. Гагра аижәылара цот, атәыла
бганы. Ҳаилебаҵт, аха аицәажәарақәа мцозыи, абрыи акамисиа
саларҵт еҭа: – Аҟәаҟа аицәажәарашҟа урыццароп, – ҳа.
Нас срыцны сцет. Какалиа дыҟоп, сара сыҟоп.
Ҳааит абрыи Совмин адачаҿы. Ҳаидтәалан аицәажәара
ҳалагыит. Уа Кавсаӡе дыҟан, Адамиа Гена дыҟоп, аха уыи уа
астол дахатәаӡым, абрахь дыҩналот, ддәылҵо-агьыи, гинирал
Цквитишьвили дыҟоп-агьыиуп, Чхьеиӡе акәыу, Чириӡе акәыу,
иыжәла сгәалашәом, уыбрыи дыҟоп, ирацәаҩны иыҟоп.Варабиов иакәын иымҩаҧазгоз.Ҟарҟарашьвили дтәоп (уысҟан ара
еҳабыс ирымаз Ҟарҟарашьвили иакәын), Сигудкин, агинирал,
дыҟоп, даҽа ҩыџьа агиниралцәа ыҟан-агьыин.
Абрыи ҳшаҿыз акәымкәа, Гагра ажәылара ҟалыит.
Иаарыцҳаит «аҧсуаа дәықәылт» ҳа. Аиҿахысра иалагазар акә­
хап(?). Нас, аиҿахысра иналага, уыи дара роп уысгьы аҧхьа
иалагоз, аправакациа аҟаҵара иналага, ҳа ҳтәқәа дәықәлыит,
ежәылыит. Дара роп елазгаз, есымша ҳа ҳоп иызҿыҵырго,
акәымзаруысҟан дара роп иалагаз. Иынрыжәла, ҳа ҳтәқәа аҭак
ҟаҵаны, идәықәлыит.
Уыс ҳшаҿыз, абрыи Адамиа дааҩналан, – Вы, – га[ва]рит, –
все аристованы, здесь каторые присутствуют! – иҳәыит. – Патаму шта вы абманываите! Там вайна идёт, Гагру, – га[ва]рит,
– бирут! Вы все аристованы! – иҳәыит.

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

Арыи Варабиов дахтәаз дҩагылан, уыс иҳәыит:
– Тагда, – га[ва]рит, – вы России абъявили вайну, – иҳәыит.
Патаму шта, Варабиов видёт, «вы аристованы» ҳа диыдгылоп. [Аха] Кавсаӡе, аныи Адамиа аҽада иаҵкьыс елыимкаауе
(еқәшәам иоп уыигь, аха…), дҩагылан, ақырҭшәала иацәҳара
далагыит:
– Удәылҵ наҟ! – иҳәыит. – Ууыс иалои-агьыи?! – иҳан, нас
ддәылҵын, уыбрахь ецәҳауа, ебарҧсуа-агьыиуа…
Арыи Варабиов акаманда ҟаиҵыит:
– Шәгыл наҟ загьы! Ҳдәылҵот, – иҳәыит.
Ҳдәылҵын, албаара ҳалагыит. Ҳалбааит. Аныи Какалиа
абра ацәажәара далагыит. Уажә Какалиа сиыцыуп, ҳдилигациа
ҩыџьа ҳауп, иареи сареи, иыҟо Аҧснынтә, дкажьны сызлацои?!
– Уара, уалга-агьыи, – сҳан, ҳагьаалгет, агьырҭ ҵҟа иылбааны
игылахьет.
Варабиов-агьыи ҵҟа игылоп. Амашьынақәа ааргыит, шьҭа
ҳцот ҳа ҳаҿыуп, уа ебакыит арыи Сигудкини Ҟарҟарашьвилии.
– Я, – га[ва]рит, – на самалёте выличу. Паеду туда в Гагру,
буду ваевать, – иҳан, далагыит [Ҟарҟарашьвили].
– Никуда ты ни пайдёш, – иҳәыит Сигудкин. – А как? – га[ва]рит, – я ни разришаю, – га[ва]рит, – воздух кантралируем мы,
– га[ва]рит.
– А ты папробуй, астанави! – ҳа ажәақәа [иҳәеит].
Уыигьы ддәылҵны дцет. Дагьҧырыҵәҟьазаап Гаграҟа,
Ҟарҟарашьвили. Нас арыи ирымақәаз асамалиотқәагь ҧырны
ицет, «акракадилқәа» цет, аныи СУ-қәа цет-агьыит. Ҳаргьы уа
ҳалбааит.
Ҳалбаауа ҳаналага, аҩбатәыи аетаж аҿы арыи уахаа­
ҵәиыҵәҟьо ачасавои дгылоп. Какалиа доуиышьҭыит, сара
ашәақь аасгәыдкылан икыит. Уыи иаразнык иыздырыит,
аҧасатәыи иыҟарҵаз аҩыза шакәыз. Уысҟангьы аныи иҟазҵаз
Адамиа иоп, уажәгьы иара иакәымзыи иахагьыжьуаз, иара
ишыҟаиҵаз здырыит.
– Иыуҭахыи?! – ҳа дыскыит, аха ҿыиҭӡом, абас икыуп...
Са хахь сыҩхалыит. Ацәҳара салагет, – Изакәыи, – сҳәыит,
– еҭа, апиать тоже самае-агьыи?! – сҳан, санрылла, арыи

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

Гьегичкориа ҳа кариспандентк дрыман, еҭамҳәак, абрыи дааинагьыин, – Гиви Камугавич, – иҳәыит, – што случилась-агьыи?–
иҳан, – Ааит, што случилась?! – я га[ва]рю. – Слушайте, я из
дилигации тоже. Стаит там какой-та чучала у вас, ни пускает.
Што эта такое?! – сҳан, саныҳәҳәа (Иосилиани наҟ дгылан),
иааиаҳан, – Што, Гиви Камугавич, што такое? – иҳан,– Да, как
што такое?! Вот, там стаит у вас какой-та салдат. Эта самый,
Какалиа прапустил, миня ни прапускает. Што он, – я га[ва]рю, –
здесь у вас нинармальный апять што ли паявился?!
– Эта нидразумение-агьыи, – ҳа рҩыџьагьы аасывагылан,
иацәҳан-агьыин, – ты, што?! – га[ва]рит, – разве ни знаиш,
кто здесь-агьыи?! – рҳәахын, слалбаарган, ҳлены амашьына
ҳалҭатәан, аирадромаҿ ҳааит.
Аирадромаҿ ҳааит, аха иҳакәшан игылоп дара, арахь аҧырра
азыин ҳамам. Дара амныи авирталиотқәа уахь иҧырыит,
асамалиотқәа СУ ҳа ирымаз уахь иҧырыит. Арҭ аурысқәа уысгьы ҳаиҿаҳар-агьыир ҳа акәыу, иааины итәаанӡа уа ҳгылан.
Ҳашгылаз, иааины итәет, анҭ а-СУ-шкақәа. Анҭ «акракадилқәа»
уырҭгьы мааиӡацызт.
Нас, – Авирталиот ҳақәтәот, – рҳан, ҳаақәтәет, аха Кавсаӡегь
дҭалыит1.
Иҭалаз загь ҭалт, уа Гәдоҭа ҳалбааит. Уыбра днеит Владислав
Григори-иҧагьы. Еҭа аицәажәара ҳалагыит. Иырӡбыит акамисиа алырхразы, Гагра иалагаз аибашьра зыхҟьаз [аилкааразы].
Дара рҟынтә аӡә иыӡбахә рҳәыит, гиниралк, уыбрыи даараны
дыҟан. Аҧсуаа ҳҟынтә сара салырхыит, аурысқәа рҟынтә ҽаӡә
далырхыит, аиҳабыра.
Нас Аҧснала са снеуан, Қырҭтәыла аҟынтә агиниралк
даарышьҭон, дара аурысқәа рҟынтә даҽа гиниралк. Абас
ҳаицәажәет, асааҭ 11 [р]зы аирадромаҿ ҳаиқәшәо. Асааҭ 11-еиҽе аурыс иареи сареи ҳаицны ҳнет, ақырҭқәа мааӡыит. Уыи
ауыхагьы ҳлалагыит. Арыи <…> загь анцо 2-ва, 3-ва, абрыи
актиабыр азоп.
Уыс ишыҟаз Гаграгь ажәылара ҟалыит. Гагра аагыит. Абрыи
раҧхьатәыи аицәажәарақәа иыҟаз аҿы абас иынҵәет. Арыи
Ари аҭыԥ аҿы ажәаҳәаҩ ицәажәара аанкылахеит, акассета аарҳәразы.

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

Аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи

абригада еҿыскааз, гаграа аибашьра иналага, «уыра!» рҳан,
арахь сара, акамисиа(?) ахынӡаҿыз, 1300 ахыҟаз, санааи, 400ҩык роп иыҟаз. Агьырҭ загь уахь ицет.
Уахь нас ашәақь трафеи аазгаз дыубап, уахь абаталионқәа
ирылалт-агьыит. Нас арыи сбригадагьы уыс уа иаанхыит, 400
рыда. Уиаамҭаз атрафеиқәа рацәаны иҳаман, хәҷык еҿаҳкаанагьыи, уыс ҳшыҟаз, актиабыр анҵәамҭа ҧыҭк ҳцет.
Амала, акызаҵәык, уысҟан исымазар ашәақьқәа, абрыи сара
1300-ҩык ауаа исымаз [рыла], арҭ дара Гагра иналала, абарҭ
сыман Аҟәа сҩалалан, Аҟәа [ҭаҳарцәуан]. Уысҟан ебарыҩны
идәықәлахьан дара, ара ашьҭахь иызлаҳарҳәаз ала, ақәҵра
иаҿын. Акымзарк аҭахӡымзт, баша ҳлалалон, ҳашрышьҭаз,
арахь Аҟәагьы [ҳ]гон, аха жә-фтаматк рыла сзымцаӡыит, уыс
ҳаанхыит.
Уыи уиашьҭахь иаадырон, аха убасҟан аамҭа хәҷык иаҳ­
цәыӡыит. Дара уысҟан ишәаҟьаны иыҟан-агьыин, уыбриаамҭаз
имариан, аха...

ка меигӡарахда иаабеит. Аказакцәа аасыдгылан, – Командир,
можно водку взять, – рҳәеит. (Сара скомандирыз џьыршьеит.)
– Ижәга, ишәжәы, – сҳәеит.
Ҳара ҳзышьҭои? Автовмат, аграната, апатронақәа.
Ани, абџьар змысхыз, исҭоит ҳәа саннеи, – Оора, савтомат
агәыцә уршит!– иҳәеит.
Сҭаҭәҳәозма, схысуан, аха дхәыҷымзи, иблыр ҳәа дшәон.
Гагратәи ажәылара аамышьҭахь аӡмахаа ҳгәыҧаҿ хәбафба втомат ҟалеит. Уи адагь агранатақәа, атанк ҧжәагақәа
ҳаҧшааит.

227. Гагра ахақәиҭтәра
Ҽнак, ҳрыҧсахын Дәрыҧшь ҳаҟоуп. Тәарҭас иахьҳамаз
Дима Aбҕаџьaa иҿоуп. Ус ҳаштәаз, – Тәанба ҷкәынак дышьны
дааргеит, – ҳәа ажәабжь ҳалаҩит.
Ҳҿыҩаҳхан аҧсраҿы ҳҩеит.
–Иҟалеи, ишҧыкәу?
–Гагра ажәылара ҟалан, дҭахеит, –рҳәеит.
Машьынак ааиқәҳаршәан, ҳҿыҩаҳхеит Гаграҟа – Дима,
Гәынба, сара. КБРЦ ҳрыхьӡеит ҳа ҳтәқәа. Хынҩажәа-ҧшьын­
ҩажәаҩык ақырҭцәа зыҩнатәаз убри аҩны ҳакәшеит.
–Шәыҽҳашәымҭар ҳшәылгоит! – ҳәа рызҿаҳҭит.
Ҳарҭ ҳахҩык тапанчак ҳамоуп, убри ҳақәгәыҕуеит. Ус ҳшыҟаз,
ҷкәынак дсықәшәеит, АКС ҳәа иҧхьаӡоу автомат икын.
– Са исыркы, аус алазуеит, сабџьар усҭ, – сҳәеит, – сҭахар,
рыҩбагь уара иутәуп.
Исиҭеит. Иалыухи, КБРЦ иҩнатәаз aҕацәa рыҽҳарҭеит.
Амашьынақәа иларықәыжьны Гәдоуҭаҟа иааҳашьҭит. Уа ақырҭ­
цәа ахьыҩнатәаз асклад рыман, аџьаҧҳаны, атушонка, ауат-

229. «Ветеран»
Ла шкәакәа-хәымсыск убра Ешыра ҳахьтәаз иҟан. Шарик
ахьӡын. Убри, аиаша уасҳәап, изцәажәомызт акәымзар,
ауаҩыбызшәа аҳауан, убриаҟара иҟәышын. Ҳааигәара аснариад
каҳаран ишыҟоу ҳнардыруан.
Ҽнак аҩны иааҩнашылт иҵәаа-ҵәаауа.
– Шәыззегь шәыҩныҵ! – иҳәеит ҷкәынак.
Ҳагьыҩныҵит, Шилка ҳәа ҧшь-гәыцәк змоу зенитка
бааҧсык ыҟоуп, убри аснариадқәа аҩнаҳара иалагеит.
Aҽазныкгьы убас ҟанаҵеит, иҵәаа-ҵәаауа иныҩнаххит.
Ҳагьындәылҵит, акомандири сареи ҳкаруаҭқәа рыбжьара аснариад бжьаҳаит. Убасҟангьы ҳахьчеит. Ус шаҟантә.
Ашьҭахь ала дагәахеит. Иахьагьы аҧсы ҭоуп иара, аҷкәынцәа
«Ветеран» ҳәа иашьҭоуп.

228. «Гагра ргеит…»
Ҽнак шьыжьнаҵы аштаб ахь ҳцеит Кәытка Шьаҟрыли сареи.
Акомандирцәа ыцәан, рыҧсы ршьон. Арадист даадәылҟьеит: –
Иргеит, иргеит! – иҳәеит.
– Закәи уара иргаз? – ҳаҩны хнеиҧылеит.
– Гагра ргеит, Гагра! – иҳәеит.

230. «Аибашьра цоит…»
Ешыра ҳахьгылаз ҳавараҿыҵәҟьа рабацәа рыцны аҿар –
жәаф, жәибжь, жәаа шықәса зхыҵуаз тәан. Aҟәaҟa, Аҳабла ҿыц

Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа

шыҟоу ахысра ҳаналагалак, – Уоора, ҳаҩноуп, уи шәамеихсын!
– рҳәон аҷкәынцәа, ргәы ҵәыуон.
Уҩны, сыҩны ҳәа ыҟоума, аибашьра цоит, аха имгәыҕуази,
иахьа-уаҵәы еилгап ҳәа.
Марттәи ажәылараан убарҭ рабацәа ирыцны жәылара ицеит.
Иҭахаз рацәаҩуп.
231. Атҟәа
Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаха шықәса март жәаф рзы
Гәымсҭа ҵаҟа аҩцҳак рыбжьара адот иҭатәаны иҳажәырҵон.
Сергеи Бубнов, Сасрыҟәа Ашәхәаҵаа, Ахра Ласариа уҳәа
амцаршәга рыман ицан, аус руит ибзиан, ҩажәижәибжь минуҭ
адот еихашәит. Уа иҭатәаз руаӡәк Басиаҭович дитҟәеит. Арахь
аштаб ахь Магомедов дааигеит. Атҟәа ихы-иҿы блын, иарма
лымҳа акгьы аҳаӡомызт.
– Почему ты сдался, что ты хотел у нас? – ҳәа снаиазҵааит.
– А что мне там делать? – иҳәеит.
–Там же все твои.
–Пять дней нахожусь на позиции, пять дней–дома. Ты думаешь я сплю, отдыхаю. Приходят вой­ска Госсовета, пинка
дают, дочку насилуют. А я до утра на лестничной площадке
нахожусь, домой ме­ня не пускают, – иҳәеит.
Дрыцҳасшьеит. Арахь вто­рои ешелон ҭаха ҳарҭом: – Ҳара
даҳшьуеит, дҳашәҭ! – ҳәа иҳадгылоуп.
– Уоора! Иушьырц иуҭаху дарбан?! – сынрылаҳәҳәеит. – Абна
аӡы унырыр, заҟаҩ уҭаху ыҟоуп, ишьла. А с ним что делать, как
расправиться – наши проблемы. Идите отсюда, сглаз смойтесь!
Рыззегь агәарҧ иҩҭыҵны ицеит. Атҟәа Гәдоҭаҟа ддәы­
қәаҳҵеит.
–Я вас прошу, сделайте чтоб меня не обменяли,– иҳәеит,
рыцҳа. – Я давно перешел бы к вам, но сваны препятствовали.
Уи ашьҭахь дрыҧсахит зегь акоуп.
232. Ақырҭуа аҧырҩы
Уахык, аҷаҧшьараҿ ҳахьыҟаз, Анзор Кортуеи сареи иҳаӡбеит
напыла еибаҳҭаз НУРС алшарақәа ҧаҳшәаррц. Аҟәа ахсаала
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 16