LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 09
Süzlärneñ gomumi sanı 3225
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2096
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Антон даахәыц-хәыцын ус иҳәеит:
– Жәохә-метра ирацәаҵәҟьазаап, жәа-метрак дкаҳаит.
Жора дмаашьакәан жәа-шьаҿак еиҭааҟаиҵан, – Уара араҟагь
шаҟа ихароу умбои, – иҳәеит.
– Иумуӡозар быжь-метрак дкаҳаит. Уаҳа сыхәда аахыу
ҵәаргьы сагхом, – иҳәеит Антон…
159. Зынӡа иӡхар алшоит
Асовет аамҭақәа раан ишдыру еиԥш, ақыҭанхамҩа аусқәа
роума, ааглыхтә товарқәа роума, зегьы планла ишьақәырӷәӷәан,
шықәсыктәи аплан кварталла ишаны иҳадын, инаҳмыгӡаргьы
ҟаломызт.
Ҳапланқәа – ачаи, аҭаҭын, ацитрустә хкқәа, арахә раалыҵ
акәац, ахш, ауҭраҭых убас егьырҭгьы. Досу ҳапланқәа иҳадыз
хкы рацәала, есымчыбжьа араион аҿы аихшьаала ҟарҵон
есԥшьаша. Уи аизарахь ҳара аколнхарақәа рнапхгаҩцәа ҳа
дагьы ақыҭсовет анапхгаҩцәагьы алахәын. Урҭгьы хазы ап
ланқәа рықәын. Арахә раалыҵ (ахши, акәаци) ахшыҩзышьҭра
дуӡӡа азыруан араиони Аԥсны аиҳабыреи. Избанзар усҟантәи
аамҭақәа раан Аԥсны иаҭаауан 2,5 млн. аԥсшьацәа, урҭ зегьы
акрырҿаҵатәын.
Араионаҿтәи аилатәараҿ досу ҳҟаҵарбақәа аихшьала ҟаи
ҵон ақыҭанхамҩа аусқәа реиҳабы. Колнхарацыԥхьаӡа азеиԥш
рахәааӡарҭақәа (афермақәа) ҳаман. Шаҟа жәхьа ҳамаз ашәҟәы
иҭагалан. Ҳәарада, хьарала арахә зегьы еиԥшым, аха ус иагьа
иҟазаргьы бжьартәыла хыцыԥхьаӡа аплан рықәын. Шықәсык зқьи
хәышә литр – уи зегьы иреиҵаз акәын. Ҩнызқь-литр, ҩнызқьи
хәышә-хнызқь-литр зауазгьы ыҟан Очамчыра араионаҿы. Ахш
аингалараҿы лабраа ҳиааиуан. Еҭаҵуаз абираҟгьы роухьан лабраа.
Уа напхгаҩыс даман акыр шықәса инеиԥынкыланы зыуаажәлар
рымаҵ зухьаз ҳҩыза, ҳколлега, аибашьра аан ахы инаркны аиааира аҽнынӡа иҳавагылаз Аведиан Ардаш ԥсаҭа шкәакәа.
Асовет аамҭазтәи аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи
Ҽнак ԥшьашалатәи ҳаизараҿ дааит Аԥснытәи обком актәи
амаӡаныҟәгаҩ Адлеиба Борис Виктор-иԥа. Ақыҭақәеи аколн
харақәеи рнапхгаҩцәа зегьы хаҭа-хаҭала иидыруаз ҳакәын.
Аԥшьбатәи аквартал аан ауп, иара хаҭала ихы алаирхәит.
Аколнхара анапхгаҩцәа аӡәаӡәала ҳаргыланы дҳазҵаауан,
ҳапланқәа шынаҳгӡо, уи инахыҳәҳәаны акрышәзацҵома ҳәа.
Ус зегьы дразҵаауа дшааиуаз Ардаш диргылеит, иҟаҵарбақәа
имдыруази азыҳәан.
– Ардаш, ахш ишәхьо иҵегьы акыр шәзацҵома? – ҳәа дҵааит
Аԥсны аиҳабы.
– Совсем вода будет, Борис Викторович, – иҳәеит Ардаш.
160. «Акәты ашьыга, ашьапхыц иҵнахит»
1989 шықәсаз акәын, ԥхынран. Обкомаҿы ақыҭанхамҩа иад
ҳәалаз азҵаарақәа ахьырыӡбоз, аколнхарақәеи асовнхарақәеи
реиҳабацәа ҳалахәын. Мықәтәи асовнхара адиректор Бигәаа Едик
Роман-иԥеи сареи аизарахь ҳаицааит. Аизара акыраамҭа ицон.
Амш шьыбжьышьҭахьхахьан еиԥш, ҳаадәылҵын, амашьына
ҳнақәтәан, Очамчыраҟа ҳхы рханы ҳашцоз, Маҷара ацҳа аладахьы
иҟаз акрыфарҭаҿ ҳаангылеит. Афатә бзианы ишыҟарҵоз ҳдыруан.
Шьыжьымҭан аахыс аизараҿ итәаз, амлагь ҳакуан. Аофициантка ҳхәы аалган, акрыфара ҳнапы ааҳаркуан еиԥш, – Гәаԥхачара
шәауааит, – иҳәан, Гәылрыԥшьтәи анагӡком аиҳабы Давид Гәа
ӡабиа араион апрокурор дицны иааҳадгылеит. – Ҳшәыдтәалар
ҟалома? – иҳәан, аҭак ҟаҳҵаанӡа, ҳастол иаахатәеит.
Арыжәтә ажәра ҳгәы иҭамызт, аха Давид имукәан, арыжә
тәгьы дааиргеит. Давиди сареи ибзианы ҳаибадыруан, обкомаҿ
инструкторс аус аниуаз аахыс. Усҟан дыбзиаз џьаҳшьон, аха
араион еиҳабыс даныҟала, Гәылрыԥшьтәи аекстремистцәа данрыцнагала, дара дзыцнагалаз рҟазшьа ааихәахьазаарын. Акыкҩбак аҵәцақәа аанаҳкылахьан еиԥш, ус даацәажәеит:
– Владислав Григори-иԥа ишакәым ҳмилаҭ рхаҭарнакцәа
адепутатцәа драцәажәеит, – иҳәеит.
– Ииҳәазеи иакәымс? – сҵааит сара.
– Вы нормально себиа ведите, а то мы вас порвиом, как Тузик триапку, – ҳәа реиҳәеит.
Асовет аамҭазтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа
Асовет аамҭазтәи аҿаҧыцтә жәабжьқәеи алафқәеи
Ақырҭуа депутатцәа ажәа иреиҳәаз рхы иақәырҵеит. Нас
еиҭа ус нациҵеит: – Ишԥыкәу ҳара миллионла иҟоу амилаҭ,
хылԥак азна иҟоу, акьантыжә еиԥш ҳашԥақәшәҵо! – ҳәа ҳаи
ҳәеит игәы нырханы.
Сара ус аҭак исҭеит:
– Шәааины шәанҳадтәала, ҩызарыла, гәыблыла шәааиз
џьаҳшьеит. Угәала уҳәарц аума, ара шәааины шәызҳадтәалаз?
Иусырдырырц сҭахуп, Арӡынба аҭоурых анаукақәа дырдокторуп, дыпрофессоруп. Шәара шәмилаҭ иатәу, ақыҭаԥҳәыс,
асессиаҿы Владислав ажәа ималкит аҭоурых зҵаараҿы.
Диҿагыланы игәы анԥылҵәа, иара ус леиҳәеит «Бара бколнхаҩы
ԥҳәысуп, сара сыпрофессоруп, ҳаиҳа аҭоурых здыруада?» ҳәа
данлазҵаа, ԥшьаала лҽааиқәылкит. Ари иуасҳәо телехәаԥшрала
иаҳбеит, шәара ишәымбаӡеи? Даҽакгьы уасҳәоит, Давид, шәара
шәмилаҭ рацәа рхыҧхьаӡара ала ҳара ҳаузыршәаӡом. Ахаҵара
хыԥхьаӡарала игәарҭаӡом! – сҳәан, снеины ҳафатә ахә аасшәан,
ҳандәылҵны ҳцеит.
Гәаӡабиа ихала иоума, егьырҭгьы апартиа аноменклатура
аусуцәа, Қарҭынтәи иаарышьҭыз агент, обком аиҿкааратә ҟәша
аиҳабы Бериӡе дкылԥш-кылӡырҩуа, есҽны Қарҭҟа ицҳауан, аԥсуаа
рнапхгаҩцәа ирҳәаз-ируз ҳәа. Б.В. Адлеиба ииулакгьы Бериӡе
даԥырганы П. Кәачахиа, Очамчыра араикоми анагӡкоми рҿы 9
шықәса аус зухьаз, Аԥснытәуп ҳәа обком ахь дииаигеит. Аусураҿ
ҳаизааигәан, пату ҳзеилан. Ҳаҩны ирацәаны ачеџьыка идикылахьан, аха аиҿагылара ҳанақәшәа, декстремиступ ҳәа сзиҳәеит.
Рмилаҭ ала маӡала ицҳауа иаҩызоуп. Сара хаҭала аибашьра
иалагаанӡа жәибжь шықәса Аԥснытәи актив салахәын, избози исаҳауази рацәан. Акадртә политикеи аекономикатә зҵаа
рақәеи дара рнапаҿы акәын иахьыҟаз, изыӡбозгьы дара ракәын.
Қарҭ ЦК аҿы ақәҵара џьбара рыдыркылеит. Амшын аԥшаҳәаҿы
3 км. анхареи аҩныргылареи зинӡам ҳәа. Аха уи ақәҵара аԥсуаа
ҳзын акәын изыҟаз. Дара Қарҭынтәи иааны, аҩнқәа, акатеджқәа
дыргылон. Аԥҳал ҟазҵо иахьиҭаху амаа аимҭо…
Шь.Д. Инал-иԥа ишәҟәы иҭижьыз хаҳәырҵәиа иаҿагылеит
ақырҭцәа. Шәҟәык аашьҭыхны иамыԥхьацгьы ахцәажәара иа-
лагеит, ииҩыз иашам ҳәа. Ақырҭуа ҵарауаа ирҳәоз адгылаҩцәа
рҭахымзи. Урҭқәа реиԥш иҟаз азҵаарақәа еиҿызкаауаз, иради
калтәыз ахеидкыларақәа ирымаз рнапхгаҩцәа ракәын. Убри
аҟынӡа рыуаажәлар дыршит – аполитика иаламцәажәозгьы
рҽырҟасаны иалацәажәо, ажәа ҳамаркуа иалагеит.
Ҽнак, сусура азҵаарақәа ирызкны, 1978 шықәса, нанҳәа
мзазы Очамчыратәи анагӡком амаӡаныҟәгаҩс аус зуаз Папаа
Григори Гәыџ-иԥа иҿы снеин, исҭахыз иасҳәан, аицәажәара
ҳаналга, Шь. Инал-иԥа ишәҟәы акритика азиуа иҿааихеит. Сара
сиазҵааит: – Акритика ззууа ашәҟәы уаԥхьахьоума? – ҳәа.
Иара дшамыԥхьац иҳәеит.
– Нас уамыԥхьацкәа, гәныхәҵысҭала узахцәажәозеи? – ҳәа
ианааиҿасырхь, аполитика зҽалазымгалалоз Григори ус ҿааиҭит:
– Аԥсуаа рҭоурых сыҩуеит ҳәа даҿуп, иара даԥсыуоушәа!
Сара сиазҵааит: – Нас даԥсуамкәан дызусҭада? – ҳәа.
– Даҭырқәоуп, Ианал-Оглы, – иҳәеит. Ас анаасеиҳәа, сла
кыҵақәа амцабз аахәыҵҟьан, ус аҭак наисҭеит:
– Иналаа ҭауадцәан. Шәара агырцәа, аҳратәра аныҟаз рашәара
иааргақәаз шәоуп. Џьал ақыҭан инхо агырцәа рабдуцәа Маршьанааи Ӡаԥшьааи иааргаз роуп. Адгьыл ақәаарыхразы арендала ирырҭан ишыҟаз, Асовет мчра рыхьӡан, дара иртәхеит. (Уи
ахҭыс иахааныз абыргцәа дуқәа рыла исаҳахьан. Ҳаибашьра аан,
абџьар шьҭыхны ианҳадымгыла, аизараҿ ирасҳәеит рабдуцәа
ара адгьылқәа шроуз.) Григори ажәа уаара имҭаӡакәа иҵагь
аҭоурых жәабжьқәа изеиҭасҳәеит. Агыруа апапцәа ауахәамаҿ аусура ианалага XIX ашәышықәсазы, Инал-иԥа, Иналишвили ҳәа
ашәҟәы иҭарҩит, Маанааа – Марганиа, Думаа – Думава, Атәмаа
– Атумава, Агәмаа – Агумава. Еиқәыԥхьаӡаны абарҭ аҵабырг
жәабжьқәа аниасҳәа, иҿы аартны даанхеит.
Дара ахаангьы гәыцқьарак рыламызт ҳмилаҭ рзы, дара ир
ҭахын ҳхы ларҟәны рҿаԥхьа ҳгылазаарц. Абриаҟара ҵуан ҳаи
ванхоижьҭеи, дара ирзеилымкааит, аԥсуаа ахыларҟәреи ашьам
харсреи рхы ишақәнадмырго.
Уааигәара инхо угәыла, уцәгьеи убзиеи рҿы иуцу, уҿаҿы
акы ҳәаны, ушьҭахь даҽакы зҳәо, уи дзеиԥшрада? Агәыла изы
анышә зжыз, ахаангьы иара дҭаҳауан. Убриҵәҟьа рзеилымкааит,
Асовет аамҭазтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа
ҳгәылацәа хәашабгақәа! Иаарыхьыз зегьы рхы иавырбалароуп.
Владислав иреиҳәаз ауп ирыхьыз, баша изгәааны ицәажәон.
Қырҭтәыла ахьӡ азыргоз асовет аамҭақәа раан Аԥсны акәын.
Иахьа Қырҭтәыла амҵәышә аҵа змам ауп изеиԥшроу. Аԥсуаа
ражәаԥҟа иаҳәоз ауп ирыхьыз «акәты ашьыга ашьапхыц иҵ
нахит» ҳәа.
Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә
рҿиамҭақәа
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи жәлар рпоезиа
I. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра
(1992–1993 шш.) аантәи жәлар рпоезиа
161. Ҳаибашьцәа шәахь
Аҧсны ҭагылт арыцҳара,
Ҕәҕәала ихәуп агәы.
Абыржә ауп аҵеицәа шәықәҧара,
Абыржә ауп ианаҭаху!
Агәымшәара акы иеиҧшымкәа
Иаарҧштәуп абра,
Абрыскьыли Нарҭ Сасрыҟәеи
Ирхылҵшьҭроу шәара!
Иҳацеиҩызшо ҳа ҳрыцҳара
Иқәынхо Кавказ,
Изгым наџьнатә фырхаҵара,
Иааироуп иаҳзынхаз!
Ихкуп ақәылаҩ иблақәа,
Аҧсны ҧшӡала ихкуп.
Ҳхырҵәан аҧсуаа ҳаиуа аҟамкәа
Иара дынхарц иҭахуп.
Имоуп абџьар дацәымшәакәа,
Деиқәдыршәеит џьоукы.
Аҧсыуак дҟалом уи ианышәауа –
Қәҧароуп ҳагәҭакы!
Анцәа иҳаиҭеит ари адгьыл аҧсуаа,
Аҭоурых ду змоу.
Ӡәырҩыгь ашьҭалахьеит еиҭанеиҭасуа,
Аха иауам, мамоу!
Дыҟоуп Абрыскьылгьы, дыҟа,
Дыҟоуп дыҕәҕәаӡа!
Нарҭаагь гылашт, Нарҭ Сасрыҟәа
Драҧгылан дааӡап!
162. Ахацәа рахь
Аҵеи драаӡон жәлеизырҳагас,
Аҵеи дҽыжәлон аҭаацәа жәлархарц!
Иахьа ан илаҳауеит ахысбыжьқәа,
Иацы рҽахьыркәабоз ҳхәыҷқәа,
Гәымсҭа ихшәылоуп иахьа ашьа!
Иацтәи аҳабла-ҷкәын – иахьа дфырхаҵоуп,
Аҧсны зегьы аламыс даҵоуп.
«Дхәыҷыз џьаҳшьон ҳазкәыхшоу!..» –
Рнапы дыргьежьуеит уи дызбо.
Ицоит аибашьра, ицоит аибарҧсра,
Рҽаадыртит ақырҭуа шьажәцәа!
«Гәырр, агәақь!» – Гагратәи акәакь!
«Гәырр, агәақь!» – Ешыратәи акәакь!
«Аҵықь, Аҵықь, Аҵықь!» –
Аҧсны зегь иалҟьоит амцабз!
Ех, Леонти, уабаҟоу, иурҳа,
Ари шахтам, ари еибашьроуп!
Иахьеибашьуагьы – уҧсадгьыл аҿоуп.
Аҧсны ҧшӡа ркуп еимырхха,
Аҕа хәымга, аҕа чарҳәаҩ
Ҳчеџьыка ихәынгеит,
Ашьагьы иҟьашьит…
Сшәашьоуп ҳәа ҳазҳәоз,
Ихы-иҿы ааиртит!
Аҕа дҕоуп, уи дҭархатәуп!
Ахаҵа дхаҵазароуп, ахаҵара аарҧштәуп,
Аҧсны еиқәырхатәуп – зда ҳамам ҳаҧсадгьыл!
163. Шәнеибац!
Абџьар шьҭыхны шьаҿа еиқәшәала,
Ашәа ҳҳәап, аҩызцәа, бжьы еиқәшәала!
Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи жәлар рпоезиа
Ҳазықәҧап, аҩызцәа, ҳадгьыл ҧшӡала,
Ҳадгьыл иҳазгәакьоу, ҳамра ҧхара!
Шәазыхиаз аиааира кәашарала,
Ашәа ҳҳәап, аҩызцәа, бжьы еиқәшәала.
Арҕызра:
Арҕызра:
Шәнеибац, ахьырҧарцәа, ҧхьаҟа шәнеи,
Ахақәиҭра мшала ҧхьаҟа шәнеи!
Шәнеибац, ахьырҧарцәа, ҧхьаҟа шәнеи,
Аҧсынра аҵеицәа, шәнеибац ҧхьаҟа, ҧхьаҟа!
Шәнеибац, ахьырҧарцәа, ҧхьаҟа шәнеи,
Ахақәиҭра мшала ҧхьаҟа шәнеи!
Шәнеибац, ахьырҧарцәа, ҧхьаҟа шәнеи,
Аҧсынра аҵеицҽа, шәнеибац ҧхьаҟа, ҧхьаҟа!
Аҕа иҳарбароуп анап ҟьаҟьа,
Дышзацәымцо агмыг, алымҳа ҟьаҟьа.
Дҳаҧцаны даҳгароуп ҧаҵа баба,
Ихәламшәы ҵаҳкаароуп ҧынҵа ҧагәа.
164. Аиааирашәа
Аҧсны азыҳәан ахақәиҭраз
Ажәыларахь ҳамҩа цоит,
Адауаҧшьқәа еивагыла,
Агәымшәақәа ҧхьаҟа ицоит.
Арҕызра:
Шәнеибац, ахьырҧарцәа, ҧхьаҟа шәнеи,
Ахақәиҭра мшала ҧхьаҟа шәнеи!
Шәнеибац, ахьырҧарцәа, ҧхьаҟа шәнеи,
Аҧсынра аҵеицәа, шәнеибац ҧхьаҟа, ҧхьаҟа!
Шеварднаӡе, насгьы Ломинаӡе,
Изықәтәаз аҟәардә каууа ишҧацеи.
«Ҟара» дахахазаап амҿырҟәара,
Ишақәшәоз аниба ихәдапара.
Арҕызра:
Шәнеибац, ахьырҧарцәа, ҧхьаҟа шәнеи,
Ахақәиҭра мшала ҧхьаҟа шәнеи!
Шәнеибац, ахьырҧарцәа, ҧхьаҟа шәнеи,
Аҧсынра аҵеицәа, шәнеибац ҧхьаҟа, ҧхьаҟа!
Ҳарҭ зегьы ҳаузыхынҳәуеит еибгала,
Улаҧш ҳхыз, Аҧсны ҧшӡа, ҳалашара.
Аиҭаҳәа:
Ашәа еицаҳҳәап, аҩызцәа,
Агәышьҭыхга – «Аиааирашәа»!
Шәнеибац, ҧхьаҟа шәнеибац,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа!
Аҕа дҳақәлеит иҽҳазкыҵәҟьан,
Ихаҧыцқәа ҕәҕәала ихны,
Дахьымгӡакәа игәҭакыҵәҟьа,
Дыҧхаҳарсит дҳаҧцаны!
Аиҭаҳәа:
Ашәа еицаҳҳәап, аҩызцәа,
Агәышьҭыхга – «Аиааирашәа»!
Шәнеибац, ҧхьаҟа шәнеибац,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа!
Ахәымгақәа иақәыркызаап
Шьыбжьаанӡа ҳтәыла ргарц,
Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа
Аха ирзымдырт шьыбжьаанӡа
Аҧсуа шикәыз зшьа зухьаз!
Аиҭаҳәа:
Ашәа еицаҳҳәап, аҩызцәа,
Агәышьҭыхга – «Аиааирашәа»!
Шәнеибац, ҧхьаҟа шәнеибац,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа!
165. Абаталион «Ԥақәашь» аибашьцәа рашәа
Ҳаит, амарџьа, шәнеибац уара,
Ампыҵахалаҩ дҭархәашо!
Аԥсынра ԥшӡа аиқәырхара
Ҳара ҳауми изылшо!
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи жәлар рпоезиа
Ашьа ахьыкәкәоит ҳамратәыла,
Ишәеиқәараха игәырҩоит.
Ажәытә-тәыла, Аԥсынтәыла,
Ҳарҭ ҳанеидгыл, еиқәҳархоит.
Рыблақәа агәырҩа рхыхәхәала,
Ҳамҩа ныҳәо ҳбыргцәа ԥшуп.
Ҳа ҳанацәа гәыӷра дула
Цәамҩахә рымамкәа иаҳзыԥшуп.
Ҳарҭ иҳацуп, абџьар нкыла,
Ашәуа, адыга, аваинах.
Ҳашҭа иҭалаз цәгьахәыцрала,
Иԥыххаа еицықәаҳҵап еиҭах!
Гьангьашрала аӷа иҳақәлаз,
Иҳамакуа ҳара ҳтәы,
Ҳилгап дбылуа бџьармцала,
Изаагауа иара мбатәы.
Даӷьсҭанаагь ҳа иҳадгылоуп,
Ашьха рԥарцәа ҳаҵ-ҳаҵо,
«Аллаҳ ақбар!» ҳәа урҭ еицжәылоит,
Аԥсынтәыла рхы ахҭынҵо.
Иԥшуеит лахьеиқәла Аԥсынтәыла,
Ицоит ашьарҩаш ахьыҵәҵәа,
Ҳнеилап, адруҳәа ҳаидгыла,
Ҳаԥсадгьыл ҳаԥхьоит аԥацәа!
Ԥхьаҟа, абжьыуаа, ҽеибаркыла,
Хьаҵра ҳзымдырӡо ҳақәԥап,
Ҳаӷа дныхуа шьаҭанкыла,
Иара ишьала даҳкәабап!..
Ҳара иҳамоуп адгылаҩцәа,
Аибашьра адәаҿы ҳзаҵәым.
Ҳара ҳиаша аҿагылаҩцәа,
Ихыбгоит рус иахьа, уаҵәы.
Аԥсилаа рышьҭра, абжьыуаа рԥарцәа,
Иҟам инызкыло баагәар,
Ахфар-хацәа, агәымшәақәа,
Абраскьыл ф-цырҟьа иҵкар.
Ҳнеилап аԥсуаа зегь ҳҽеидкыла,
Тәымк имгарцаз ҳара ҳҟәых.
Аӷа дықәцо инеиԥынкыла,
Аӷа, еицазкуа Аԥсны аҭоурых.
Ҳнеилап Аԥсҳа ишьҭа ҳхыла,
Иҳаԥхьоит Арӡынба ибжьы.
Афашист дықәцо Аԥсынтәыла,
Иахцо наунагӡа ишәшьы.
Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа
166. Быжьҩык Ҧақәашьаа
Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаха шықәса ианвар жәаба рзы
афашисттә Қырҭтәыла ар Ҧақәашьҟа ианжәыла, урҭ ирҿа
гыланы ақәҧараҿ иҭахаз, быжьҩык ҧақәашьаа рыҷкәынцәа:
Аџьынџьал Сурам Ладикәа-иҧа (1956–1993 шш.), Чачхалиа Ҭен
гиз Уарлам-иҧа (1957–1993 шш.), Кәартаа Борис Шьыта-иҧа
(1959 –1993 шш.), Аџьынџьал Беслан Ианкәа-иҧа (1961–1993 шш.),
Ҧачлиа Гарри Баграт-иҧа (1964–1993 шш.), Кәартаа Роман
Кәытли-иҧа (1965–1993 шш.), Аџьынџьал Мераб Вова-иҧа (1971–
1993 шш.) ргәалашәара иазыскуеит.
Быжьҩык Ҧақәашьаа аҧхьа игылоуп,
Амца ахьакыу.
Ар еиқәаҵәа ирҿагылоуп,
Абџьар хьанҭа зкыу.
Ахызаҵәқәа идрыҕҕоит аҵых,
Абџьарқәа иҭҟьо,
Ҳабзазара мчыла иҳамых,
Игарц аҕа иҽҟьо.
Џьаҳаным – бџьарла джәылоит,
Адгьыл амца ацроуп…
Амҩаду ҭбаа ашьа аншылоит,
– Ма иааироуп, ма ҧсроуп! –
Еиқәҿырҭуеит бжьҩык ҧақәашьаа:
– Шәаҵамхакәа шәнеи!
Зегь ҳашҧаргари ус ҳнықәшьаа,
Ҳа ҳҭахаргьы, аҵеи
Ҧақәашь ахаангьы дақәашьын,
Иҟоуп изуа ҳа ҳшьа.
Ҳазхылҵыз нарҭаа дуқәа мцаҧшьын,
Иҭарыжьуамызт ршьа.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи жәлар рпоезиа
Аҳаҳаи, амарџьа, ахьырҧар,
Аӡәгьы угәы мхәашьы,
Ҳнеилап ҳа ҳҭоуба ҳахымҧо,
Ҳамч, ҳалша неиҧшьы.
Ҧхьаҟа аҷкәынцәа, ҳаит, амарџьа!
Аҕажә, акькьы дшәаҳәо,
Дмышьҭыкәа, ихы-игәы ҭарҷаҷа,
Днымхо дызшәаџьҳәо,
Ҳашнеиц ҳнеилап, хцала, мцала,
Инагӡо ҳус иҧшьоу.
Ҳадгьыл ҳаҵгәоит мчы-лшала,
Ҳадгьыл, ҳазкәыхшоу!
Рхаҵабжь абахәқәа ирныҩуеит,
Аҕа дшьаҽуа иахьцо,
Аҵых лашьца уазыруеит,
Рхаҵара азхаҵо.
Аҕа дахьцо, быжьҩык ҧақәашьаа,
Рабдуцәа реиҧш, рыҧсы
Иахҭнырҵеит рыдгьыл наунагӡа.
Аҧсабарагь еиқәҧсы,
Игәырҩо иӡырҩуеит, аҳаиди ыӡны,
Асланҭ-хшара1 џьабо.
Быжьҩы аишьцәа рҭынчра иахӡыӡо,
Зӡыхь-мшы мҭабо.
…Рхымшаҭара бџьарны ирыхәо,
Арҧар ахьыҧшуп.
Асланҭ-хшара ҳәа рзырҳәоит иӷьеҩу, игәымшәоу ауаа. – Ажәеинраала
зҩыз иазгәаҭа.
Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа
Рфырхаҵара аҿаҧхьа схырхәо,
Изааӡаз сырзыҧшуп.
Рыҧсыҭбара мра-лашаран,
Ршьам дгьыл иазынхоит.
Ажәҩан ҧшьа иахшаран,
Ишаеҵәақәан иаанхоит.
Ашамҭаз, аҧсабара анҿыхо,
Бжьы-ҧсҧшьак идыршоит.
Быжьҩк ҧақәашьаа, исыгәҭыхо,
Ирызкыу сцәашьы лашоит.
167. Аиааира
Мамзышьха, Мамзышьха, ҳбаагәара ҳдоуҳа,
Дықәаҳҵеит дԥыххаа уа уҵаҟа аӷа.
Аиааира, аиааира, ишьҭышәх ҳа ҳбираҟ.
Аԥсны ԥшӡа ахақәиҭра шәазықәԥа наҟ-ааҟ!
Ҳашьцәа Нхыҵаа-Аахыҵаа зегьы,
Ацҳақәа хышәҵа ҳаиқәшәарцаз уаҵәы.
Уа ухьӡ ахыхуп, уҳәынҷоуп, аинрал,
Гьечбақәа цәырҵит, идмырӡит аԥсуа икәал.
Аиааира, аиааира ишьҭышәх ҳа ҳбираҟ,
Аԥсны ԥшӡа ахақәиҭра шәазықәԥа наҟ-ааҟ.
Ҳашьцәа Нхыҵаа-Аахыҵаа зегьы
Ацҳақәа хышәҵа ҳаиқәшәарцаз зегьы!
Мамзышьха, Мамзышьха, ҳбаагәара ҳдоуҳа,
Дықәаҳҵеит дԥыххаа уа уҵаҟа аӷа.
Аиааира, аиааира ишьҭышәх ҳа ҳбираҟ,
Аԥсны ԥшӡа ахақәиҭра шәазықәԥа наҟ-ааҟ!
Аԥсны ԥшӡа аҵеицәа, ишьҭышәх ҳа ҳбираҟ!
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи жәлар рпоезиа
168. Аҟәа
Аҟәа ҧшӡа, Аҟәа еҭым,
Атәым бжьы ухыҩуа уа ушьҭоуп!
Ушыцәаз алашәага ухалан,
Уҧшӡара, уцқьара зегь рҟьашьит,
Еиха-ҩала ушәҭрақәа зегь рцәаҕәеит!
Уҩны хазынақәа рыгәқәа кылжәжәоуп,
Уаҳа иҩнымҩырц аҧсуа ибжьы.
Аҧсуа хәыҷқәа ара уаҳа иаҧымларц ашьыжь!
Аҟәа ҧшӡа, Аҟәа еҭым,
Адунеи зегь иагәыҵыҳәҳәа игәыднакылоз,
Аламысҭра, чеџьыкала аҕа «дахьыршьуаз»,
Ашәҭқәа рыфҩы рыжәтәыс уаҩы иахьизхоз…
Иахьа ушьҭоуп илеижьа уаганы,
Ахәшәыблы ухылыхәхәа, ухьаа ҵәахуа,
Ианбаауа сҵеицәа ҳәа амҩа уаҧшуа…
Ҳаҭоумҵан, Аҟәа, ҳазкәыхшоу ҳабла-заҵә,
Ҳамч зқәымхоз ҳахьақәшәаз…
Уара уныжьӡам, уара укажьӡам,
Уара ухәшәоуп абраагьы ҳзышьҭоу!
Аҧсуа аӡә иҟны ахьымӡҕ имгацт!
Аҧсуа шьак идхаланы иҟамлацт!
Аҧсуа дырҳәны дихыччо, аӡәгьы дымцацт!
Аҧсуа иҧсҭазаара – иламыс ауп!
Аҧсуа адунеи дзықәу ахьӡаз ауп!
Иахьа духагылан дыччоит аҕа,
Аха иааиуеит, егьагӡам, «уаҵәы»!
Усҟан ҳнапы укәыршан ҳгәырҕьалап ҳара,
Усҟан ибҕа аҿаҩҳәа иҧҵәап аҕа!
169. Ачечен
Атанк блын: «Ачечен!» рҳәеит,
Аҳаирплан каҳан: «Ачечен!» рҳәеит,
Аруаа ҭанҵәан: «Ачечен!» рҳәеит,
Ҕбак ӡааҟәрылан: «Ачечен!» рҳәеит,
Абомба ҭҟәацын: «Ачечен!» рҳәеит,
Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа
Џьара идыдын: «Ачечен!» рҳәеит.
Лада ихысын – ус рҳәеит,
Ҩада ихысын – ус рҳәеит!
Ихьӡ ахьырҳәо – ишәаӡыӡоит,
Ҩада дырбар – лада иҧоит,
Ҧхыӡ дырбар – рыцәа ыӡуеит,
Лабҿаба дырбар – рыҧсы рхыҵуеит,
Рабџьар рымҟәыҵҩыр икаҳауеит,
Рхы ахьынахо – иахауеит.
«Абџьарда» ачечен деибашьуеит,
Аҕа хәымга дӡыӡауеит!
Ачечен арҧыс ҳәа шәыхьӡ ануп:
Ачерқьез, адыг, абаза,
Ашаҧсыҕ, ауаҧс, аҟабарда,
Аҟарач, аингуш, абалкар,
Аурыс, аукраин, аказак –
Аҧсны зыхьчо иахьа шәарҭ!
Зегь шәчеченцәан шәырбауеит,
Шәыхьӡ хызаҵәны ирҧылауеит.
Афырхаҵарагь абри ауп,
Ҳазкәырбану ҳашьцәа шәоуп!
170. Грозныи ақалақь иахыкны
Грозныи ақалақь иахыкны
Анаатә жәылоит иоумаха!
Ҳарҭ еиҵаҳҵоит ҳара ҳабџьар,
Ашьха ҳхыҵроуп, шьҭа шәеиха!
Атәыла ҳаҧхьоит, арҳәцәа зқәылаз,
Иаҿуп ашьам дгьыл абылра!
Мансури Шамили рышьҭа ихылаз,
Ахацәа неиуеит уа шьаура!
Иаҳцәыӡыз ҳашьцәа ҳгәаҵа шәҭами!
Ари амш анымызт шәыҧсынҵра.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи жәлар рпоезиа
Шәыҧсы зҿаӡыҭуа шьхарами,
Хьшьыцба мҵәыжәҩан шәахьҧыруа!
Мышкы ииз мышкы дыҧсуазар,
Аҕа дахәаҽырц агәаҕ!
Ажәылараан иаҳҩып ҳарҭ шьала,
Аҟама ццышәаҿ: «О, Аллаҳ!»
Иаҳцәыӡыз ҳашьцәа ҳгәаҵа шәҭами!
Ари амш анымызт шәыҧсынҵра.
Шәыҧсы зҿаӡыҭуа шьхарами,
Хьшьыцба мҵәыжәҩан шәахьҧыруа!
171. Ибрагим Науржанов
Аҧсны ахьыҧшымра зхы ақәызҵаз, Кавказ Афырхаҵа ҳәа ахьыӡ
ҳаракы зыхҵоу Ибрагим Науржанов изкны
«Исылшо ала сшәывагылоуп,
Сҭахааит аҧсуа дахьҭахо.
Шәызҿагылоу, сиҿагылоуп,
Аҧсынтәыла агәы нзырхо.
Уи суалҧшьоуп, исыднаҵоит,
Аҳақ ҳәа акрыҟазар џьара.
Цәгьа-мыцәгьарала дҿықәнаҵоит,
Ацәгьа азызуа Аҧсынра.
Ари адгьыл ҧшьа-ҳалалра,
Изгарым инагӡаны.
Изкаҧхашам хыхьынтә амра,
Агәаҟра анамоу зыҽӡаны,
Зхы ацәызхьчо, ишакәхалакгьы,
Игәамҭо аразра, агәбылра.
Иазкылыҧшуеит изабалакгьы,
Аҧсны ҧшӡа хәыҷ, Аҧсынра.
Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи жәлар рпоезиа
Са сҟабардан схы сызшьома,
Аҧсуаҵас, о, сгәы мыблыр.
Сан сызхылҵыз илзыршома,
Аҧсны ахьаа ансымныр.
Иҟанаҵы уара у-Ҟабарда,
Ельбрус ыҟанаҵ иҕьаз-ҕьаз.
Уашәахә каҩлап меихсыҕьрада,
Гәадула иазыӡырҩуа Кавказ!
Ҳазхылҵыз шеихаҵгылоз анкьа,
Ус санзымгыл игәаҕьны,
Мап сыцәнакуеит сыдгьыл гәакьа.
Сагап сыламыс сбылны.
172. Суалҧшьа
Иахьа исоуит ахақәиҭра,
Салҵит аҭҟәара.
Срылагылеит сҩыза, сықәла,
Ицоз еибашьра.
Исыбаргәузеи, жәҩангәашәҧхьароуп,
Сеибашьҩуп схаҭа.
Сҩызцәа ргәаҟра рыцеиҩысшап,
Имааицзар суахҭа.
Аҕа ихымҭа аршәаа иасуа,
Иахәхахьеит аӡәырҩы.
Ршьа сымукәан са саанҿасуам,
Иахҭнысҵозаргь сыҧсы.
Зтәы нышьҭаҵан ҳа ҳтәы иашьҭоу,
Дызцарым хара.
Ҳ-Аҧсны ҧшӡа агәырҩа иаҵоу,
Сузӡатәуп, иаачҳа!
Ацәгьахәыц-қәылаҩ имчра имҟьо,
Ҳабџьарқәа ҭҟьалап,
Аҧсны шхәарҭам Аҧсуа ида
Адунеи иаҳап, иабап!
Аҧсынтәыла сылашара,
Сыҧсуазар, сыҧсааит сара.
Инудҵаны сымч, сылшара,
Ҵеик ишиаҭәоу еиҧш абра.
Са учеиџьыка сызгарыма,
Исылшо ала схәарҭаны,
Санымгыла абџьар нкыла,
Уара уҵеицәа рыгәҭаны…»
Уҩыза, уқәла, ргәы шьҭухуан,
Дҭахом ҳәа ашьхауаҩ бзанҵы.
Угәы аздуны абџьар шьҭухит,
Аҧсны ҧшӡа апату ухьчарцы.
Ухы ақәуҵеит ари адгьыл қьиа,
Кавказ аҵеицәа ишрыхәҭоу.
Аҟабарда ҷкәын, арҧыс бзиа,
Снарцәы снықәлап сгәы ушҭоу.
О, иҳәатәу, иутәу акрыҟоуп,
Хаҭала иузкны уара,
Ибрагим уӡуам, ҳгәаҿы уҟоуп,
Иҟанаҵ, ҳашьа, Аҧсынра.
173. Ақьаса
Уааи, ҳаидтәалап, сашьа, аамҭа ҳамоуп минуҭқәак,
Ажәылара аԥхьа ҳаицахап, ицәырга уқьаса аҭаҭын.
Исгәаԥхоит уҟазшьа, алым уеиԥшуп уанықәԥо,
Уара аҩыза уҩыза сара еснагь дысҭахын.
Иԥшуп ҳара ҳҩызцәа, избоит рхы-ргәы зегь раԥысуа,
Иҭшәоуп дара рзыҳәан аҭабиа баагәаран изҭаз.
Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа
Идыруазшәа ихьша, аӷа уажәы-уажәы дхысуеит,
Ҳара ҳазыԥшыми «ԥхьаҟа!» ҳәа ианҳарҭо адҵа.
Знык аҭабиа ҳанҭыҵ, аӷа хәымга иумҭан хҩаха.
Саргьы, амца иркы, уи дсышьҭыроуп, дызҵысыз дахыжь.
Уи уашьҭа́н, уи ҳахьӡап, ҭаҭынк цәырга, ҳаицахап,
Аамҭа ҳамам усҟак, уласы, саргьы абжа сызныжь.

Ԥсыуак аӷа иҿаԥхьа дымлаҟәыц,
Уи аҩыза аздырӡом аҭоурых.
Уаҳагь ԥсыхәак ыҟаӡам,
Агәыӷрақәа анынамӡа,
Уи аӷа диԥылт иҟама ҭых.
Инасыԥтәылан иҟазарц Аԥсны,
Ифырхацәоу арԥарцәа ҭахоит.
Иашьҭамызт амазара,
Урҭ азгылт ахаҵара –
Ран – иԥшьоу рыԥсадгьыл – еиқәдырхоит.
Ҩ-ԥсҭазаарак ҳауам, уаҩ дыҟам ҩ-хыкгьы зхагылоу,
Ишҳалшоз ҳаԥсадгьыл иазеиӷьыз аусқәа ҳарҿын.
Аҳы, нас, ԥхьаҟа, иҵәаа-ҵәаауа ахызаҵәқәа ҳԥылоит.
Сеиқәымхар, сҳаҭгәынаҿ инықәҵа сызмыхаз сыҭҭын!
175. [Ауаҩы дысшьит]
Ауаҩы дысшьит иацы сара,
Иҟасҵама, Анцәа ибароуп, гәнаҳа,
Ҳгәы ҳҽанӡамкәа ҭшәаракаҿ ҳаиҿаҳаит,
Усҟан ҳҩыџьагь еицаҳзеиԥшын аԥсра.
Иԥшуп ҳара ҳҩызцәа, избоит рхы-ргәы зегь раԥысуа,
Иҭшәоуп дара рзыҳәан аҭабиа баагәаран изҭаз.
Идыруазшәа ихьша, аӷа уажәы-уажәы дхысуеит,
Ҳара ҳазыԥшыми «ԥхьаҟа!» ҳәа ианҳарҭо адҵа.
Са сыԥшыхәуан аӷа́ ипара гәаҭ,
Иҟалон иаргьы даауазҭгьы ԥшыхәра,
Дналаӡит уи аҵх лашьцара аҿымҭра, Амцабз аҿыддит савтомат!
174. Алаӷырӡқәа
Алаӷырӡқәа леиуеит Аԥсынра,
Афырхацәа арԥарцәа ҭахоит, –
Иашьҭамызт амазара,
Урҭ азгылт аԥсҭазаара,
Аламыси аԥсуареи еиқәырхо.
Анацәа, ишәшәышәымҵан ашәы,
Аԥсцәа рышҟа шәыҷкәынцәа ԥхьаӡам.
Урҭ нхоит наунагӡа,
Изызҭахаз анынаӡа,
Аԥсцәа рышҟа шәыҷкәынцәа ԥхьаӡам.
Ахьҭа-ҵааҿ диеит уи деикәашәы,
Издыруадаз уи арԥыс зны дзакәхашаз,
Уи дҭахеит, дҭахеит имцу аиашаз,
Наунагӡа анык илшәылт ашәы.
Иҟамлоз зны чаракаҿ ҳаиқәшәазҭгьы,
Иҳақәымлазҭгьы ихыҵын ҳандырҵәарц,
Аха исҭахым, мап, агәра згарц,
Иҟалашаз саԥхьа деибагазҭгьы.
Ауаҩы дысшьит иацы сара,
Иҟасҵама, Анцәа ибароуп, гәнаҳа,
Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа
Ҳгәыҳҽанӡамкәа ҭшәаракаҿ ҳаиҿаҳаит,
Усҟан ҳҩыџьагь еицаҳзеиԥшын аԥсра.
176. 64-ҩык рыԥсҭазаара
Ашәышықәсагьы ахәрақәа рзырӷьом,
Адгьыл аҽаҟәнахит аҵәи-ԥрыга,
Амаалықьцәа аибашьра иагәылга,
64-ҩык рыԥсҭазаара еиқәырха.
Ҩ-дгьылк еимаздоз, еимаздоз ҩ-дунеик,
Имиӡацыз амаалықьцәа угәыҵак,
Ашьха ӡышқәа, аԥҭақәа уҽрылак,
Аҵәи-ԥрыга, ҩаԥхьа ҳашҟа умхынҳәуеи?!
Аҵәи-ԥрыга, аҵәи-ԥрыга,
Са сыхшыҩ уара сахугоит,
Сгәырӷьа ԥшӡақәа ажәҩан ахь иугеит.
Аҵәи-ԥрыга, аҵәи-ԥрыга,
Угьажьы шьҭахьҟа, аҩныҟа,
64-ҩык рыԥсҭазаара сгәыкуеит.
Аҟәарчаԥан игылоуп абаҟа,
Уи аҿаԥхьа аԥсацәа зегь хырхәоит,
Гәаӷк агәаҵан ицәаӡом, иҿыхоит,
Аԥсынтәыла даларԥштәым аӷа!
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи жәлар рпоезиа
Дыԥхаҵоуп, агәымха маӡа иҳақәлаз,
Ҳанацәа, инаӡоуп ехьа шәа шәҳақ,
Иалахәмаруеит Ашықәс ҿыц аԥшалас,
Егры ахықәан аԥсуаа ҳбираҟ!
178. Аҧсны азыҳәан са сҭахазар…
Сҟама наухьысыр, уааихнахт,
Аҕа изын ус иамоуп ҟазшьас.
Згәы ҭрысыз адыгак, ваинахк,
Дыжәбар, уи ҧхыӡуп шәызжьаз.
Шьха-шьанҵа мцаҧшьуп ҳзыӡрыжә,
Ҧсы ҧшьоуп иҳалоу ламысс,
Ашлақәа рыблақәа анҳаздыршә,
Иаадыруеит иамоу ҵакыс.
Ҳабацәа ссиршәа ҳзааӡаз,
Зныкгьы ҳҭамҧш[кәа] рлакҭа;
Хьыӡла ҳанзымгьежь ҳахьцаз,
Хаарак рзаҵам руахҭа.
Ныхас иҳамоу уаҩроуп,
Илҧха ҳамоуп Аллаҳ.
Иаҳҭииз ажәагь – ажәоуп,
Ҳҵасқәа ирылам ҳәанҳәахк.
177. Егры ахықәан
Ашықәс ҿыц ауха, Егры ахықәан,
Ҵәыцак– «ҽаанбзиала» – иаасдыркит.
Сылаӷырӡқәа еимаҵәаны аҳәҳәыҳәа,
Сажәа сымхуа сгәаҵа инаҿаҳәит.
Ҳаб, ҳазхылҵыз Кавказ,
Еснагь изкыу зхы шьҭых,
Ҳаӡәкра храҧшьны изчаҧаз,
Адгьыл иақәлоу зҭоурых,
Ҵәыцакгьы сымжәыцкәану уахада,
Ажәа мыцхә сҳәахуеит абжьааԥны,
Аха сҩахан, са изжәит ажәада,
Сҩызцәа уаха исыцым ирызкны.
Иахьа иҵшәааит алакҭа,
Ҩаҧхьа шәарҭак анырт.
Чҳашьа змамыз уажәшьҭа,
Аамҭа шааиз аадырт.
Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа
Иабла-ҷыцу ҳ-Кавказ,
Абырлаш хьеимхәыц Аҧсны,
Гьангьашла ахәшьад зҳәаз,
Анақәла абҕа рҵысны,
Ҳанииз иҳациз ҳҭоуба,
Ҳашьҭҧаа ҳагеит қәҧара.
Дарбан стәымны сызба,
Саҟәызҭхауа Аҧсынра?!
Ҳашьха цыҩ-цыҩқәа рҧацәа,
Шьҭа ҳрызшом хаз-хазы.
Ҳатәамбо, иҭыҵыз зцәа,
Рхы дырдыртәуп лассы!
Исуалҧшьоу ҧҟароуп иара,
Рҵасқәа еилазгом ҳзыхшаз.
Кавказ иахьыблоу Аҧсынра,
Сыхьчарц сааишьҭит Ҳазшаз!
Насгьы Аллаҳ ду иҭаххар,
Наӡаӡа сыҧсы нхарц Аҧсны,
Аҧсны ҧшӡа азыҳәан сҭахар,
Ҧсыуаа-шәҩык ирхысҵоит сыҧсы!
179. Рада
Иҟам аиҧш џьара ари адгьыл ҧшӡа!..
Ашҭаҿы ихәмаруан шьыжьымҭанк хәыҷқәак.
О, Анцәа ду, иласырҟәуеит са схы.
«Ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп» –
Убас рҳәоит зегьы.
О, Анцәа ду, узылхыламҧши схәыҷы?!
Сара исҭахуп убас – ныҳәаҿала исҳәарц,
Иззынамгӡаз зыгәҭыхақәа, ҳара инаҳагӡарц!
Сыгәра га, сыгәра га, ашьоура ианысҵоит аҭоуба!
Сыгәра га, сҧааимбар хәыҷы, Рада
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи жәлар рпоезиа
180. Ахәрашәа
Сыԥсадгьыл гәакьа, ухьчараз сеигӡом сасхы ,
Сҩызцәеи сашьцәеи ргәымшәара сымоуп саргьы.
Ахы сықәшәаргьы сызгаша сара,
Удгьыл ҳалал самоудап, гәыблыла уара.
Ахәрашәа узысҳәоит, сыԥсадгьыл,
Ахәрашәа, ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭып са сшьам дгьыл,
Исызгәакьоу, сыԥсы зыҿҳәароу!
Иахьа иумоуп ахәра ӷәӷәала ихьанҭоу,
Иуџьабоит уҵеицәа, зыԥсы ухҭынҵоу.
Унышә бымбыл рықәҳаԥсап ҳнапала ҳара,
Уара иухьчап гәыблыла иугәыдыҳәҳәала.
Ахәрашәа узысҳәоит, сыԥсадгьыл,
Ахәрашәа, ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭып са сшьам дгьыл,
Исызгәакьоу, сыԥсы зыҿҳәароу!
Урҭ ршьа ааурцаз, ҳаҟоуп ҭоуба уны,
Ахақәиҭра рзааҳгарц ҳгылоуп ҳахианы.
Забиԥара змырӡыз, сашьцәа сықәлацәа,
Хашҭра шәықәны шәыҟам, шәарҭ наунагӡа.
Ахәрашәа узысҳәоит сыԥсадгьыл,
Ахәрашәа, ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭып са сшьам дгьыл,
Исызгәакьоу, сыԥсы зыҿҳәароу!
181. Ахьӡ-аҧша
Иқәухуазеи, аҧсра хьшәашәа,
Ҳадгьыл ду ҳазқәу?
Уаҧхьа игылоу ауаҩ гәымшәа
Дубома дзакәу?
Асовет мчра ашьҭахьтәи жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа
Дамоударгьы абџьар иаҵоу
Адгьыл дызқәынхо,
Иузыҵәахуам уи адгьыл аҵа
Ихьӡ-иҧша иҭынхо!
182. Дфырхаҵоуп, дыҧсӡом!
Ахыкәалаа сшәом ҳәа иаҧылаз,
Игәы иҭоу дахьӡом.
Зхы шаҭан аҕа иҧгылаз,
Дфырхаҵоуп, дыҧсӡом!
183. Хоџьандураа – сыуаадураа
Уа, ихышхыҵәан хоџьандураа
Ҳа ҳаҩныҵҟа ирацәахеит,
Еимак-еиҿакуа ауаҩдура,
Аҭыҧ татақәа ршахьеит.
Аҧсны аибашьра аныҟала,
Ахҵәацәагьы рацәахеит.
Хоџьандураа ҩарылалан,
Ицәҳәы-ҟьантазӡа индырхеит.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи жәлар рпоезиа
Издырхуада ишыҟалаз,
Агәаҟцәа ирымҭакәа иршеит!
Ар иршәырҵо амаҭәаҵәҟьа
Хоџьандураа иршахьеит.
Аибашьыга абџьарқәаҵәҟьа,
Рыуа ирырҭан, ирҵәаххьеит!
Рыҳәсеи рыхшареи ракәзар,
Аҧсны иалган иргахьеит.
Аибашьра ашьҭахь изаауазар –

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 10
- Büleklär
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3294Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3172Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19870.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3196Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3216Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19850.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3171Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3502Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3595Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3409Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22070.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3225Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20960.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3138Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3529Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3394Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23580.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3460Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3583Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19320.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3512Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3401Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3369Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3089Unikal süzlärneñ gomumi sanı 10980.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12 томкны. 11 атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 197Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.