Latin

Амифи аритуали - 01

Süzlärneñ gomumi sanı 3580
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
АԤсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа
Д.И. Гәлиа ихьӠ зху АԤсуаҭҵааратә институт

Афольклор аҟәша

Габниа Ц.С.

Амифи аритуали
(аенциклопедиатә статиақәеи
афольклортә нҵамҭақәеи)

Аҟәа
2022

Аҭҵаарадырратә редактор: афилол.ҭҵ.рк., адоцент Ашәба А.Е.
Арецензентцәа:

академик Кәаӷәаниа В. Аст.
аҭ.ҭҵ.рк., адоцент Дбар С.А.

Габниа Ц.С.
Амифи аритуали (аенциклопедиатә ҟазшьа змоу аста­
тиақәеи
афольклортә нҵамҭақәеи) – Аҟәа: Д.И. Гәлиа ихьӡ зху
Г 13
Аԥсуаҭҵааратә институт. 2022. – 296 даҟьа.

Ашәҟәы аҟны раԥхьаӡа акәны иҭҵааны, аетно-фольклортә мате­риалқәа
рыла ишьақәырӷәӷәаны, аԥхьаҩ идгалахоит аԥсуаа рыбзазара­ҿы акырӡа зҵазкуа,
аҵасқәеи ақьабзқәеи амилаҭцәа рхазҵо адоуҳатә баҟақәа.
Ашәҟәы рыхәоит афольклорҭҵааҩцәа, аетнологцәа, алитера­тура­ҭҵааҩцәа,
аспирантцәа, астудентцәа, аԥсуаа рыбзазашьа иазҿлымҳау зегьы.

© Аԥсуаҭҵааратә институт, 2022
© Габниа Ц.С., 2022

АԤхьажәа

Адоуҳатә культура ажәлар рыԥсҭазаара ҩныҵҟала
изырӷәӷәо, жәларыкны иҟазҵо, ракзаара иацхраауа мыч­
ра дууп. Уи аҭыԥ амоуп рыԥсҭазаара аетапқәа зегьы рҿы.
Аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, уи урҭ аамҭақәа
зегьы рҿы аихаҳашьа, аҿиашьа еиԥшӡамызт, еиԥшынгьы
изыҟалаӡомызт. Иҟоуп иманшәаланы, аԥыжәара аманы иан­
цо, иҟоуп ауашәшәырра аныԥшуа ианалаго, иҟоуп ашәарҭа
ианҭагылогьы. Ус егьа иҟазаргьы, зегьы раасҭа аҿиарамҩа
анҭшәахо аамҭазгьы, измырӡуа аҵагылаҩцәа ҟалоит. Урҭ
ирыбзоураны аԥеиԥш аиуеит, еиҵагыло абиԥара ҿыц иры­
мардаша нхоит.
Аҵасқәеи ақьабзқәеи, убри азҵаара аганахь ала уры­хәа­
ԥшуазар, зегьы реиҳа имаҷны зҽызыԥсахуа доуҳатә малуп.
Ус аҳәара иаҵанакӡом урҭ ирнырӡом ҳәа аамҭа ирзаана­
го аҿыцрақәа, ирыднагало аԥҟарақәа. Хымԥада, аныррақәа
ҟалоит, аиҭакрақәагьы убас. Аха урҭ дара еибаркны изку,
ишьақәгылахьоу рсистема агәыцә хада иалакьымсӡакәа,
рацәак имырхьаацәакәа, хыхь-хыхьла ауп ралагалара шцо.
Зыӡбахә ҳамоу аӷәӷәара ҟазҵо дара ныҟәызго ауааи да­
реи реизыҟазаашьа аҟазшьақәа роуп. Урҭ дара абаагәара
еиԥш еибахьчоит.Ара иҟоуп агәреибагара, аибааӡара, агә­
шәеибакра, аҳаҭыреиқәҵара.
Зегьы ирыцкуп аԥсуаа рыԥсҭазаара аӷьырак иагәылганы
иаарго, иахьагьы изыхӡыӡаауа Анцәа ихаҵара.Уи зны иара
ихазы иалхны имаз адгьыл ԥшӡа «шәықәӷьаца» ҳәа ириҭоит,
даҽа зны днарылс-аарылсны рыԥсҭазаашьа ибоит. Иҟоуп
данрықәгәамҵуа, иҟоуп данрықәныҳәо. Даҽа зных, еиҳарак
Аҩсҭаа дыриааиуа дшалагаз анибалакь, аҟәҟәаҳәа дхысуа,
ицәысыхьчап, наҟ дырҟәнысцап ҳәа дишьҭалоит. Анцәа ес­

нагь, аԥсуаа изларҳәо ала, рыԥсҭазаашьа излаҳнарбо ала­
гьы, ацәгьа иацәыхьчаны абзиа рхы аҭагалара даҿуп, има­
риам, аха иԥышәоу амҩақәа рзааиртуеит.
Аиҟрауаара аҟазшьақәа рыԥсҭазаараҿы аԥыжәара аго
ианалагалакь, маҷк иҽынарҟәыҭханы, ажәҩан еиҳа иҽа­
зааигәеитәуеит. Иара убасҟангьы «илаԥш еснагь ирхуп».
Дара уи рныруеит, аҳаҭыр бо, рыуашәыррақәа ириааины,
имчра дуӡӡа ашьашәыр иҵагыло иалагоит, иҭабуп «ҳам­
дырра ахьҳанаужьуа» азы ҳәа иныҳәаҿа ркуеит ажәытәра
иалганы, аҿатәра ианырнааланы иҭаргалаз рныҳәарақәа
анымҩаԥырго аамҭа азыҳәа.
Аԥсуаа рныҳәарақәа, рмифтә ҳәамҭақәа, рмифоло­
ге­мақәа рҿы иҟоуп рмифологиа, рфилософиа, иара убас
Анцәа ирзааишьҭуа адыррақәа, адырга ҷыдақәа зегьы.
Убри аҟ­­нытә аҵасқәеи ақьабзқәеи, дара зыдҳәалоу амиф­
қәеи аритуал­қәеи рсистемаҿы иҟаӡам имцәажәо, ауаҩы
иԥсҭазаара, ихаҭара аиқәырхара, аиӷьтәра иатәы­шьҭ­
рам акгьы. Дара урҭ шаҟа еизааигәоу аҟара адгьыл аҿы
аԥсҭазаара аҽырҽеира маншәалахоит, иара убас аҭы­
шәантәаларагьы. «Анцәа илԥха» зиҭо рыла егьырҭ рҿых­
рагьы ҟалоит.
Мыцхәы алалара аҭахым уи имариам азҵаара, ашәҟәы
аҭыжьра ахықәкы даҽакуп.
Абри ашәҟәы иагәылоуп аенциклопедиа ҟазшьа змоу, аԥ­
суа жәлар жәынгьы-ҿангьы рыԥсҭазаара аиҿкаараҿы акыр
ирыхәоз, иахьагьы ирыхәо аныҳәарақәеи, рмифологиатә,
рет­­нологиатә символқәеи ирызку астатиақәа жәпакы.
Аԥсны адгьылҵакыраҿы еиԥылон амилаҭ рацәа, урҭ
рҵасқәа, рқьабзқәа. Ҳәара аҭахума, усҟангьы иара иахьа­
гьы ицоит наҟ-ааҟ зҽеихызшо аинырра. Аамҭа ахаҭа иара
аамҭа иалагылоу ажәлар рыԥсҭазаара иаланагалоит
акыр арҽеирақәа, аиҭакрақәа, аҽыԥсахрақәа. Убраантә
ауп иахьынтәаауа аҭҵаара аан иубо акультура рацәа рых­
ҟьа-ԥҟьақәагьы.Иҟоуп аҭыԥаҿы, иара Аԥсны, ииз, иҿиаз
амилаҭтә культура арбагақәа, урҭ зегьы иреиҳауп; иҟоуп
аԥсуа культура иаланагалаз, аха ианырнааланы иаднакы­
лаз, ацәа зхалаз, иахәҭакны иҟалазгьы; иҟоуп аҭыԥаҿы ииз,

аха адунеи ажәларқәа рҿы иуԥыло аныҳәарақәа, асимволқәа
типологиала ирзааигәоугьы.
Аусумҭа хықәкы хадас иамоу урҭ зегьы еилыҟәшәаауа
акәымкәа, иахьа аԥсуа жәлар ркультураҿы ирҭагылазаа­
шьоу арбара ауп. Насгьы, еиҳарак аныҳәарақәа ирызку
адаҟьа­қәа рҿы, иарбоу аритуал мҩаԥгашьақәа иахьа Аԥ­
сны ахы инаркны аҵыхәанӡа иакны, еиԥшны иуԥылоит ҳәа
аусумҭаҿы џьарагьы иҳәаӡам. Аритуалқәа иаагоу, аны­
ҳәаҿақәа реиԥш, ирымоуп авариант рацәа. Зегьы еидызкыло
ргәыцә хада­қәа роуп.
Аԥсуа жәлар ҩнуҵҟала рыӷәӷәара, иахьа уажәраанӡа
жәларык раҳасабала рхы рыԥхьаӡо иҟалартә еиԥш еиқәыр­
ханы рааира зыбзоуроу рыԥсҭазаашьа аиҿкаашьа ауп,
ҳәарада: аҭаацәарақәа рыбзазашьа, реибаркыра, реидгы­
лара, реихаҵгылара, реибааӡара, рҭибагара; аҭаацәара­
қәа рыҩны, ргәара, урҭ реиқәырхаразы иҟарҵо; аигәылацәа
рхеи­дкылашьа, реибабашьа, реибарԥшӡашьа, реицхыраа­
шьа; ақыҭақәа рҳәынҭқарра хәыҷқәа иахьрыҵаркуа ша­
ҟа гәыблыла рыԥсҭазаара иазнеиуа, рхеиқәырхашьақәа
рԥеиԥш иахьынӡазнарҳауа, ацәгьа рҽеишьас иарҭо, абзиа
ҳәа изыдгыло, икармыжьуа арбану, изцәыԥхашьатәу иахьын­
ӡацәыԥхашьо, уи аҽацәыхьчаразы рхы шымҩаԥырго.
Абарҭ хыхь еиқәыԥхьаӡоу азҵаарақәа рӷьырак рҭак аԥ­
хьаҩ иԥшаауеит ашәҟәы аҩнуҵҟа иагәылоу аҭҵаарадыр­
ратә статиақәа рыҟны.
Ашәҟәы иагәыламлаз рацәоуп. Ари актәи атом ауп. Аҩ­
батәи атом аус адулара цоит. Иҟалоит атомқәа иҵегьы
рхыԥхьаӡара иацларгьы.
Иахьатәи аамҭа аасҭа уаҵәтәи еиӷьхароуп, анацәеи
абацәеи раас­ҭа – рыхшара. Афатә-ажәтә ԥсымшьҭыгазар
ауп. Адоуҳа – хеиқәырхагоуп! Асаркьеиԥш уи ианҷҷалоит
ҳхаҿ­ра абзиарақәа, ацәгьа ԥшшәыдоуп!

АСТАТИАҚӘА
Аамҭахәы

А

амҭахәы – ҭагаланшьҭахь аԥсуаа жәытәнатә аахыс имҩа­
ԥырго, ажьҭаара, аҽаҩра аҭагалара иадҳәалоу ныҳәароуп.
Иахьагьы, џьара-џьара, ҭаацәарақәак рҿы, уи ақьабз иатәу аритуал ҟарҵоит.
Изымҩаԥырго. Ажәа «Аамҭахәы» ныҳәахьыӡны иҟоуп иахьа.
Ишьақәгылоуп ҩ-хәҭакны: аамҭа+ахәы=Аамҭахәы1. Аилазаашьа
аха­ҭа иаҳәоит аныҳәара ахыҵхырҭа атәы.
Ажәытәӡа аԥсуаа аамҭа ахаҭа ԥсы зхоу акы акәны иахәаԥшуан,
насгьы амчра ду аманы, иаҭаххар ҭагалара машәырда имҩаԥысуан,
иаҭахымхар – амашәыр ҟаларатәы аусқәа еиҿнакаауан. Аамҭа агәы
ҟаҳҵап ҳәа иара ахәы ршон, ахәы «анырҵон». «Анырҵон» анаҳҳәо
абысҭанҵара акәым зыӡбахә ыҟоу, ҳәарада. Аныҳәара иадгалахо
зегьы хәшароуп, ахәы анҵаразы асимволра руеит.
Иҟалап иара ашықәс аамҭа хәҭакны иалоу ҽаҩраҭагалара знапы
иану ихәҭа иҭара атәы акәзаргьы иаҳәо.
Зегь рыла ииашоуп, рҽаҩраҭагалара арманшәаларазы акәын
«аамҭахәы» аԥсуаа изымҩаԥыргоз ҳәа аҳәара. Аныҳәара аарыхра, аҽаҩраҭагалара, ашәыреингалара, ажьҭаара ракәын лымкаала
изыдҳәалаз.
Адунеи зшаз Анцәа иоуп ҳәа аназхарҵа инаркны, аамҭагьы знапы иану иара иоуп ҳәа ихьӡ ҳәаны иныҳәо иалагеит аԥсуаа. Раԥхьа
иаиуз ахьӡ ус ишахьӡыз иаанхеит. Иахьагьы ус иҟоуп. Анцәа иахь
ирханы, аамҭа иахылаԥшуа.
Ианымҩаԥырго. Ҭагаланшьҭахь, аҭаацәарақәа ҭынч ианааи­
латәо аамҭазы, ԥшьашак аҽны.
Амҩаԥгашьа. Ԥшьашак аҽны, шьыжьӡа, аҭаацәа реиҳабы
аҳәса рганахь ала: анду, ма ан аныҳәара жәамш шыбжьоу рбаӷьк
кны иҭалкуеит аҽарыцқьап ҳәа. Жәамш еиҵамкәа аамҭа анцалак, иааиуа аԥшьашаз, амра аныҩагылалак, арбаӷь иҭакны илымаз ашьапқәеи аикеи ҿылӡәӡәаауеит. Лара лхаҭагьы лҿы-лнапы
лыӡә­ӡәоит. Акасы шкәакәа ныҵырҟьаны илхалҵоит. Агәара агәҭа

днагыланы, амрагыларахь лхы рханы, ларбаӷь аԥсы шҭоу икны
дныҳәоит абас: «Аамҭа зшаз, ҳаци ҳареи ҳаиқәиҭны ҳҟазҵаз улԥхаугәыԥха ҳамазааит! Абри арбаӷь уара иухәуп, уара иуаҳҭоит!»2.
Абас наҳәаны арбаӷь аԥшәма ахаҵа илҭоит. Уи «ԥсымилаҳ!», мамзаргьы «Анцәа улԥха ҳаҭ!» наҳәаны, ахәда хиҵәоит. Ахаҵа ари
аныҳәараҿы арбаӷь ашьра ауп инапы иану.
Аԥшәмаԥҳәыс, хазы даақәгьежьны, ахәажәқәа хԥа ҟалҵоит ашә
ргәыламҵаӡакәа.
Арбаӷь аныжәлак, ичаԥаны асаан инанылҵоит, ахәажәқәагьы уа
инавалыргылоит. Нас, ҵыԥх уажәааны, ажьаӷь уатка цқьа ҭаҭәаны
амаҵурҭа акәакьҭақәа руак аҟны қьаадла (газеҭла) иҭаҳәҳәаны
икналҳаз ауаткалитра аакнылхуеит. Иаахлыртлоит. Афырџьан
хәыҷ азна ныҟаҵаны, арбаӷьчаԥеи ахәажәқәеи зну асаан зықәгы­
лоу аишәа днахагылоит. Афырџьан аашьҭыхны дныҳәоит абас:
«Анцәа ду! Дгьыли-жәҩани зегьы зшаз! Ҳара зегьы ҳшамкәа
ҳазшаз! Иҭабуп ҳәа уасҳәоит мшы бзиала, ҵхы бзиала, машәырда,
зегьы ҳаибга-ҳаизҩыда, ҳаарыхра аҭагалара ахьаҳзалуршаз азы.
Саргьы абас сарбаӷьи сыхәажәи ҟаҵаны сныҳәоит. Ҳаикәаҭәы, мла
ҳамкуа, иаҳфо ыҟаны, иаажәуа ыҟаны аӡынра ҳахьҭоугало азы, суашьапкуеит. Улԥха-Угәыԥха ҳагымзааит! Умаҵ ааурада хьаа-баа
ҳамамкәа ҳҟаҵа, суҳәоит!».
Афырџьан днаҿыхәоит, илзыжәуазаргьы илжәуеит. Икнылхыз алитра иҭаз зегьы даҽакы инҭаҭәаны, аҿыцыршырала еи­
ҭалырҭәуеит. Ақьаад акәыршаны иҭалыҳәҳәоит, инаганы ҵыԥх
иахькнаҳаз аҭыԥ аҿы еиҭакналҳауеит, абас дныҳәо: «Аамҭахә зтәу!
Анцәа ду! Ҳара зегьы ҳазшаз! Ҳара зегьы иаҳхылаԥшуа! Суҳәоит
ҭаацәала зегьы улаԥш ҳхыз! Аҵла иқәу дманшәаланы ижь иҭаао,
аџьықәреи ҭазгало ица ҭәо, досы зегьы хәыҷы, ду ҳәа еилых ыҟам­кәа,
икаҳҭәо аԥхӡы зҩа ԥхӡымхо иҟауҵарцы суҳәоит. Ҳам­гәахә ҳақәӡо
иҟаумҵараны Анцәа ду, зхьышьаргәыҵа сакәыхшоу, суҳәоит!»3.
Арҭ аусқәа рышьҭахь аҭаацәа латәаны, абысҭа уны, рыкәтыжь
рсыӡбал надкыланы еиҭа иааибаныҳәаны акрырфоит.
Икналҳаз арыжәтә ҳаԥхьа уажәаанынӡа алакьысра ҟалаӡом.
Аныҳәара иацу. Аныҳәара иацхраауеит, агәараҭа абарақьаҭра
азааанагоит ҳәа ирыԥхьаӡоит абарҭ аус хкқәагьы реиҿкаара:
1. Аџьықәреи иҭаргало цәырҳәны аца ианҭарԥсо иалырԥшаа­
уеит Алаԥҟьаҭәы.

Алаԥҟьаҭәы захьӡу – зхы еимаџьгәаны, џьықәреи цыра згым,
ихаҭәаау, зцырақәа ҟәазу, зыԥштәы бзиоу алаԥҟьоуп. Ус иҟоу
алаԥҟьа «Џаџа ллаԥҟьа» ҳәагьы иашьҭоуп.
Џаџа ллаԥҟьақәа ҩба излаҳәоу аԥарч иаагәылырҵәрааны, аха
икамыжькәа, уи аԥарч иалхны акнаҳарҭа ҟарҵоит иааихыршьны.
Нас инаганы арыжәтә ахькнаҳау иадкнарҳалоит.
2. Амра бзианы изысхьоу апарпылца арыԥхрагьы хыхь ила­
қәкнарҳауеит.
Аџьықәреи лаԥҟьақәеи апырпыл рыԥхреи иахьынӡабзиоу уа
икнаҳазаауеит. Аԥхасҭахарахьы рхы дырхар, иҟалоит икнухыр.
Алитература
1. Габниа Ц.С. Аамҭахәы//Ауаажәларра. Аҟәа, 2006, № 63, ад. 22.
2. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
1999 ш. азы.
3. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
1999 ш. азы.

Аҵан
Аҵан – аԥсуа мифологиа аперсонаж хадақәа ируаку, Аԥсны
адгьылҵакыраҿы раԥхьаӡа ианылаз уаақәаны ирыԥхьаӡоит.
Аҵанаа уаа ссақәан, «кьанҿаак иҟамызт», ашьац иахьылаз
илыҳә­ҳәаӡомызт, аҽа иаҵаланы, иамырбаӡакәа ирцәон, аҭырас
иқәланы икарҿон. Аха рымч даара иӷәӷәан, ргәышԥқәа ҟьаҟьаӡа
иҟан. Адоумбеи аныршьлак, аӡәы ихала изқәа илықәҵаны реи­лан­
харҭа ашҟа игон.
Аҵан ршьамхы ҵарын, иӷәӷәан, «изхьымӡоз шәарах ыҟамызт».
«Абнацә иашьҭаланы шьамхыла иркуан»1 .
Аԥсны иҟоу ашьхақәа руак Аҽагылара ҳәа иашьҭоуп. Уи ахьӡ
зыхҟьазгьы аҵан роуп. Аҵанцәа руаӡәк дшышәарыцоз ҽа ҟатак
ахра ишаҿаз ибеит. Дыҩны дашьҭалт шьапыла искуеит ҳәа. Аҽа
сзицәцозар ҳәа акыӡӷкнаҳа иаҿалт. Аха аҵан днахьӡан, аҵыхәа
лҿарбаӷьа иааникылт. Абри аҵан хәыҷы аҽа ахьааникылаз аҭыԥ
Аҽагылара ҳәа ахьӡ ахылеит.
Аҵан хныҟәгашьас ирымаз ашәарыцареи арахәааӡареи ракәын.
Ирышьҭашәарыцон, иршьуан абӷабқәа, аԥслаҳәқәа, аҽақәа, аб­

нацәқәа, адоумбеиқәа уб. иҵ. Арахә рааӡон, ҷыдала аџьмақәеи
ауасақәеи.
«Аџьма ауаа излароуз аҵан рыҟнытә ауп» ҳәа рҳәоит ажәытә­
уаа. Дара илыргеит «зԥаҵақәа шьҭассы иҟаз аџьмажәла бзиақәа»2.
Аҵан ачагьы аадрыхуан. «Аҵан рыҟнытә ауп ачажәлагьы ауаа
излароуз» ҳәа аԥсуаа агәра ргон.
Инхон дара ашьхақәа рыҟны. «Аҵангәарақәа уахьнеилагьы
шьхацыԥхьаӡа иҟоуп иахьагьы. Ашьха Аҳарҩа ҳәа иахьашьҭоу иахьагьы аҵангәара ыҟоуп. Аҵангәарақәа зыргылаз дара аҵан роуп.
Ахаҳәқәа еиқәҵаны иҟаҵоуп». «Дара еиҳарак игьежь-гьежьӡа
иҟоуп», аха иуԥылоит аԥшьыркцақәагьы. Еиқәу ахаҳәқәа иахьа
иар­банзаалак акы иазышьҭхуа иҟам, «убриаҟара идуқәоуп». Дара
ахьҭанхоз аҵангәарақәа ирҿакын аихатә гәара еиҵҳәа дуқәа. Уаҟа
урҭ рырахә ҭаркуан.
Аҵанаа изыҩназ рхаҳәгәарақәа зегьы рыҿқәа амрагыларахь ирханы иҟаҵан.
Аҵанаа ананыз аамҭа, аамҭа бзиан – кашырран, барақьаҭран,
ԥша асуамызт, қәа ауамызт, кырцх леиуамызт, хьҭа ыҟаӡамызт.
Аӡын закәу рыздырӡомызт, инеиԥынкыланы иԥхарран. «Амра
ҭашәара ақәымкәа, ишеишеиуа ажәҩан икаххаа икыдын»3.
Шьыжьымҭан икауԥсаз ажәла, ахәылбыҽха иҿухуан. Аҳәыс ажә
ишаҵоу, ақәаб азна ахш амырхуан.
Аҵанаа ачымазара закәызгьы рыздырӡомызт. Аира, ажәра,
аԥсра ыҟаӡамызт.
Рықәӡаашьа. Аҵанаа ирызку амифқәа рсиужетқәа изларҳәо
ала, аҵан ԥагьахеит, акгьы иацәымшәо, акгьы иацәыԥхамшьо
иҟалеит. «Ҳара ҳада уаҳа ԥсы зхоу иҟада» ҳәа рхы рыԥхьаӡо иалагеит. Адәахьцара ианаклак, «рхы ҩыҵаргыланы, ршьапқәа қәацәӡа»
ажәҩан ахь ирханы, «рдәынцара аурыжьуан». Рыфҩы го, агәам иаганы еилатәо иалагеит. Анцәа датәарымбо аҟнынӡа иԥагьахеит. Ишааиуаз Анцәа дысшьуеит ҳәа дзышьҭоу иаҳәшьаԥа Аҩсҭаа хәыԥҳас
дҟарҵеит. Анцәа дгәааит. Уи иӡбеит аҵанаа мцала адгьыл ианихырц. Адгьыл иаҳаит уи ажәабжь. Аҵанаа сыхьчап ҳәа атышақәа,
аҳаԥқәа рыҟаҵара иалагеит. Анцәа усҟан адгьыл дазгәаан, агәы
аҟама алеиҵеит. Адгьыл аҵан ирыҳәеит «шәсыцхраа, сгәы иалоу аҟама алшәх. Нас Анцәеи шәареи шәеинсраалоит» ҳәа. Аҵан
ирмаҳазшәа ҟарҵеит.

Аҵан ҽнак ианааԥш рыҩнқәа рҿы амраҭашәарахь иԥшуан.
Бзиара ишатәымыз рдырт. Хара имгакәа Анцәа аҵанаа абымбасы рзылаишьҭит. Шьамхаҿынӡа ианлеи, Анцәа амца ҩацреиҵан,
рыжәлахә ыҟамкәа зегьы ықәиблааит.
Еиқәхаз ирыԥсҭазаашьахаз. Амца иацәшәаны аӡы иҭаԥалаз
аҵан зегьы даӷьхеит. Аҵла гәаҩарақәа ирҭалаз – маҭхеит. Абас
«адаӷьгьы амаҭгьы аҵанаа ирхылҵит».
Ашьха иҟаз ахаҳәқәа амца ду иабжьеит. Иахьагьы ицәыббылцәыббылӡа иҟоуп. Иагьа иуршыргьы иҭҟәацӡом, ахы рылҟьаӡом.
Аҵан ықәзыблааз амца иабжьаз ашьха хаҳәқәа иахьагьы ашьха
иуԥылоит.
Ашәарыцаҩцәа, ахьшьцәа ашьха ианыҟоу урҭ ахаҳәқәа ршны
ахца ҟарҵоит, ахаҳәқәа акгьы рыхьӡом.
Адгьыл аҵан рзы иҟанаҵаз аҳаԥы иҭалаз еиқәхеит, рҳәоит
аԥсуаа. «Урҭ рыдгьыл ахь акылсра иашьҭоуп»4. Иаашар хәлаанӡа
адгьыл иахьыҵоу анышә ржуеит. Аха ируа зегьы мцуроуп. Иахьа
иааржыз уаха еимаҳауеит. Урҭ адунеи ақәлара Анцәа азин риҭом,
иаԥсамхеит ҳәа.
Алитература
1. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны.VII атом. Еиқәлыршәеит,
аԥхьажәеи азгәаҭақәеи лҩит Ц.С. Габниа-Инал. Аҟәа, 2002, ад. 59-85.
2. Иара уа, ад. 63.
3. Иара уа, ад.81.
4. Иара уа, ад. 82.

Аиргь ран
Аиргь ран – аԥсабараҿы иҟоу абааԥсрақәа рымч иаҿагылоу,
ашәарыцаҩцәеи, ахаҵареи, агәамчи ашәа рзызҳәо, ачы­мазарақәа
рыхәшәтәра зылшо анцәахәы лоуп. Ахатәы хьӡы лымаӡам. Нарҭаа
дуқәа рхаан иҟаз ачымазарақәа зегьы зыхә­шә­тәуаз лара лакәын
ҳәа иԥхьаӡоуп1. лара Рарира лыхьӡын.
Нарҭаа ирызку аҳәамҭақәа рҿы заҵәык ауп лыӡбахә ахьуԥыло.
Ҳәамҭак ишаҳәо ала, Нарҭаа рашьа Қьаҭауан шәарыцара ҳәа дахьцаз даара иқәҿиеит. Аха дхынҳәны дшаауаз, амҩан, амаҭ ицҳаит.

Дахьыҟаз харан. Аӡиас илеиуаз уахәа дук лалажьны, ашәарах иишьыз уа илақәыжьны, иабџьар иазқәынҵа днақәтәан, ашҳам
иарчыз ишьапы аӡы иналакны иҩныҟа дхынҳәит. Дчит ӷәӷәа­
ла. Иашьцәа ауаа рышьҭит Аиргь ран лышҟа. «Уи илзымдыруа
хәшәтәра ыҟамызт» усгьы2.
Лара иаразнак дааит. Қьаҭауан днаидтәалан, ашҳам зыртәоз
аҭәҳәала диҭәҳәеит. Ҽнак хынтә абас диҭәҳәон:
Хәыҭи, хәыҭи уалҟәаҭас,
Ашәха абзаны заикәыкә,
Уус ахьыҟоу – сус ыҟоуп,
Ужьы ахьыҟоу – сжьы ыҟоуп,
Уара уацҳан иурчит,
Сара саҭәҳәан исырдеит,
Амаҭ – маҭ шьала иркәабеит,
Ауаҩы – уаҩ шьала дыркәабеит,
Хьаа-баа зегь хысҽит,
Хьаа-баа аҟәнысыблааит3.

Диҭәҳәон хымш. Ахымш раан, хынтә диҭәҳәаны лыхәышәтәра
далгеит. Аԥшьымш рзы ишьапы дықәлыргылеит.
Алитература
1. Аншба А.А. Абхазский фольклор и действительность. Тбилиси. Мецниереба, 1982, с. 33.
2. Нарҭ Сасрыҟәеи ԥшьынҩажәи зежәҩык иара иашьцәеи. Аԥсуа жәлар
репос. Еиқәдыршәеит Инал-ипа Ш.Д., Шьаҟрыл К.С., Шьынқәба Б.В. Аҟәа,
1962, ад. 67.
3. Иара уа, ад. 68.

Абаа – ныха – Ашәаа Рҟьаҟьа
Абаа-ныха//Ашәаа рҟьаҟьа – Џьгьарда инхо Ашәаа рабиԥара
рны­хахә ауп.
Абаа-ныха Ԥсҳә-ныха иахәҭакуп. Џьгьарда инхо Ашәаа Ԥсҳәныха иаҿыганы иааргеит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Абаа-ныха Ашәаа ишышьҭырхыз атәы зҳәо аҭоурыхтә миф­
қәагьы ыҟоуп.
Амиф излаҳәо ала Ашәаа Нхыҵ Кавказынтә арахь ихыҵны нхара ҳәа анкьаӡа зны иааит. Рымҩа Ԥсҳәы иалганы иааган. Ԥсҳәы
ианааи, уа акыр аамҭа иаанхеит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра ҭыԥ ԥшьак
аҿы аныҳәарақәа мҩаԥыргон. Ашәаа ранду быжьҩык аԥацәа лыман. Аха ишааиуаз, ирыхьыз рзеилымкаауа, ԥшьҩык лыцәԥсит.
Уи лара даара илгәырҩон. Ԥсҳәы инхоз есышықәса Ԥсҳә-ныха
иамҵаныҳәон. Уи ларгьы илбон. Џьара гәыӷрак лцәа иалашәеит.
Лара иаанханы илымаз лыхҩы ԥацәа даара дрыхӡыӡаауан. Ҽнак
даагылан аҿаҭахьа ҟалҵеит Ԥсҳә-ныха иаанхаз лԥацәа рыԥсы
еиқәнархар, лара еснагь иара дшамҵаныҳәало азы.
Ашәаа ранду лԥацәа, ишакәхалак, рыԥсы еиқәхеит, рыжәла
акыр еиҵыҵит, рыҽдырҭбааит. Есышықәса, иаабжьамыжьӡакәа,
Ԥсҳә-ныха иамҵаныҳәон.
Ус ишааиуаз дара рҽеибаркны Џьгьардаҟа илбааит. Уа анхара
иалагеит Абаархәы ҳәа изышьҭоу ақыҭа аҳаблаҟны. Ԥсҳәы ицаны есышықәса аныҳәара уадаҩын азы, аныҳәара ҟаҵаны, рыхәҭа
аҿыганы иааргеит Абаархәыҟа. Ишааиуаз арҭ Ашәаа зымҵаны­ҳәоз
аныхахә, Абаа рхәаҿы иахьыҟаз инамаданы, Абаа-ныха ҳәа ахьӡ
рҳәо иалагеит, иара ус иагьахьыӡхалан иаанхеит.
Ԥыҭраамҭак аныбжьыс Абаа-ныха ҳәа зыхьыӡхаз аныха
А-ҟьаҟьа ҳәа азырҳәо иалагеит. Уигьы ус баша иҟамлаӡеит, иамоуп
аха­тәы ҭоурых.
Џьгьарда ирҳәо алегенда излаҳәо ала, Ԥсҳә-ныха иахәҭаку
Ашәаа рныхахә Абаа-ныха ҳәа иамаз ахьӡ А-ҟьаҟьа ҳәа аԥсахра
зыхҟьаз Ашәаа рҭаца лоуп2.
Уи шыҟалаз абас ауп. Ашәаа рҭаца лхаҵа ижәла иатәыз аӡәы
ихьыӡ аныхахә ахьӡ иахыршлан азы аҳәара азин лымаӡамызт, илшьар акәын, А-ҟьаҟьа ҳәа ахьӡ лыԥсахит. Аҭаца ас аҳәара даналага лҭаацәара иатәыз зегьы ус ахьӡ аҳәара иалагеит. Ишааи-шааиуаз Ашәаа рыжәлантә ныҳәара Ашәаа рҟьаҟьа ҳәа ахьыӡхалеит,
абиԥара рныхахә – А-ҟьаҟьа.
Ашәаа рныҳәара мҩаԥыргоит шықәсык ахьтә знык, Хәажәкыра
ашьҭахь иааиуа амчыбжь, ашәахьа аҽны. Иахьа аԥсуаа ирҳәоит
«Ашәаа Рҟьаҟьа Мшаԥы ианаԥырахаз» ҳәа. Ажәакала, уи аныҳәа
мҩаԥыргон заа. Аныҳәара «Аҟьаҟьа», мамзаргьы Ашәаа Рҟьаҟьа ахьӡ

ахьынтәааз ҳәа иҟоуп даҽа гәаанагаракгьы. «Ашәаа ныҳәон аӡиас
ахықәан. Уаҟа ишьҭан ахаҳә ҟьаҟьа ду. Изыхныҳәоз зегьы убри ахаҳә
инықәҵаны, дара аакәшаны иаагылон. Абри ахаҳә ҟьаҟьа аҟнытә
ауп ахьыӡгьы ахьынтәааз. Абас рҳәоит дара Ашәаа рхаҭақәагьы3.
Ари авариант иаҳәоит иара аныҳәара ахаҭагьы акырӡа иш­
жәытәу. Ахаҳә ижәытәӡоу артефактқәа иреиуоуп. Ахаҳә шьҭоуп
аныҳәарҭа ҭыԥ ԥшьақәа зегьы рыҟны, амчра ду амоуп ҳәа ианам­
ҵаныҳәоз ажәытә аамҭақәа ирыдҳәалоуп.
Иадыргало амарҭхәқәа: акәакәарқәа жәны, ҩышықәса иреи­
ҵам абшьтәа. Ф-цырак акәакәарқәа рҵааӡом, егьырҭ рҵаа­уеит.
Ажәраан чуанк еицҭарҵоит.
Аныҳәара аҳәса алахәӡам, А-ҟьаҟьа азы аҩы аагараҵәҟьа азин
рымаӡам.
Ахацәа рҽааидкыланы иныҳәоит. Аныҳәара мҩаԥыргоит аҩны
арыӷьаратәи акәакьҭа рхы азырханы.
Ашәаа рҭыԥҳацәа рхы аладырхәуеит. Аха аҭаацәара ианалалак
аныхахә уаҳа иаҿцааӡом. Агәамбзиарақәа ихҭаркыр, раб игәараҭа
иааны, ҩышықәса иреиҵам аџьмашьтәа шьны Абаа-ныха ахьӡала
иныҳәар ҟалоит. Абаа-ныха ахь рхы рханы ихҭазкыз агәамбзиара
наҟ ирыхҳәаны иагарц азы иаҳәоит.
«Аныҳәара аҽны ақәа леиуеит еснагь. Имлеир, ашәаа иртәу уаҩ
дук дыԥсуеит» рҳәоит4.
Алитература
1. Чурсин Г.Ф. Из этнографии Абхазии. Сухуми, 1956, с. 34-35.
2. Иҳәамҭоуп Ашәба А.Е.. Ианылҵеит Ц. Габниа. Аҟәа, 2014 ш.
3. Иҳәмаҭоуп Сангәлиа Гари. Ианылҵеит Ц. Габниа. Аҟәа, 2021 ш.
4. Иҳәамҭоуп Ашәба Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Аҟәа, 2021 ш.

Аблы
Аблы – ииз ахәыҷы//аӡҟы//асаби раԥхьатәи ичымазарақәа ируакуп, имгәахьаауп.
Аблы ахәыҷқәа зегьы ирыхьуеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аӡӷабцәа ир­
ласны ирхыргоит, иаргәаҟуа еиҳарак аҷкәынцәа роуп рҳәоит.

Дыршьас иамоу. Ахәыҷы уи ихьуеит ҳәа иԥхьаӡоуп ҩымз да­
нырҭыслак. Акыраамҭа дҳәаҵәыҳәаҵәуа, аҟыуҵәыуара далагоит. Ганла, ма ҿыцха дануриалак, маҷк иҽирҭынчуеит. Идәахьцара
аԥштәы хиаҵәааӡа иҟалоит, аԥштәы аԥсахуеит.
Ахәшәтәышьа. Излархәшәтәуа ахәшә «аблыхәшә», мамзаргьы «аҳәынҷарахәшә» ахьӡуп. Ахәшә ҵиаауп, шьац жәлоуп. Ахаҭа
иахьӡуп «анана-лнапы» ҳәа, аха уи ахьӡ лассы-лассы иуҳәалар амч
цоит ҳәа иԥхьаӡаны, «аҳәынҷарахәшә» ҳәа азырҳәоит. Аҳәын­
ҷарахәшә аанахәоит аӡыхьқәа рхықәқәа рҿы.
Аҟаҵашьа. «Аҳәынҷарахәшә» аҟаҵара азин ан илымаӡам. Ан
леиҵаҵамҭа ахәыҷы ихәаӡом ҳәа иԥхьаӡан. «Ан лыхәшә лхәыҷы
ихәом» аҳәоит аԥсуа жәаԥҟа. Уи еиҵалҵон агәыла ԥҳәыс, ма даҽа
тәым ԥҳәыск. Аҳәынҷарахәшә аныҵырхлак аџьыкхыш ыҵарԥсон
азҳара ԥымкхарц азы, «ахәԥса ршәон», мамзар уи аҭыԥ аҿы уаҳа
иара аҩыза маар ҟалон. Еиҵарҵон аӡхьамш ала. Аӡхьамш аазгоз лара ахәшә ҟазҵоз лакәын. Уи ашьыжь шаанӡа, ауаа адәы
иқәлаанӡа, аӡәгьы димбарц азы, аӡыхь аҿы дцаны, лҿи лнапи
ӡәӡәаны, аԥҳал азна аӡы таны иаалгон. Аҩны дааиаанӡа лышьҭахьҟа
дхьаԥшӡомызт. Алаԥшцәгьа, ма аԥсы лаԥш лхьыԥшыр иаалгоз аӡы
хәынгахоит ҳәа иԥхьаӡан, амчра ацәыӡуан. Абас «хьыԥшы змам
аӡы» ааганы акәын ахәшә зеиҵарҵоз. Аԥсуаа «аӡы алаԥш бзиа иабоит» рҳәоит. Аӡхьамш ала иаалгаз аҳәынҷарахәшә лыӡәӡәоит. Иаанхаз аӡы ршны илырхьшәашәоит, уахь ахәшә рҟәыҷны иӡаалҵоит.
Хымш рышьҭахь илраӡоит.
Ажәшьа. Ҽнак хынтә амҳаҵә хәыҷы азна ахәыҷы идыржәуеит.
Аҩбатәи ахәшә. Ахәыҷы аблы далзырго ахәшәқәа иреиуоуп
амшәқәа, ажьақәа, ақәыџьмақәа рызқәа. Ажәшьа: Аз каплак ам­
ҳаҵә хәыҷы ианырҭәалон. Ан лкыкахш ала иааилырхны ахәыҷы
идыржәуан.
Ахԥатәи ахәшә. Аҷапанрҩа. Ирҩаны иҟоу аҷапан (ахәыҷы данииз ихырҵәаз – Ц.Г.) анаргәыҵ иаақәырҟәыҷны ашыла алырхуеит.
Аҷапан шыла ан лкыкахш ала иааилырхны ахәыҷы ирҭон.
Аԥшьбатәи ахәшә. Аурыс кама, мамзаргьы аԥсуа кама. Акама
еихаршны идраӡон. Иаанхаз акамаӡы ҽнак ахәыҷы ӡыгмацәазк
азна идыржәуан.
Ахәбатәи ахәшә. Абыӷцәлымса иаҵыршоу аӡы ахәыҷы акри­
ҿарҵаанӡа есшьыжьы хынтә ирҭон.

Аԥсны иҟан еицырдыруа «аблыхәшә» ҟазцоз ахәшәтәыҩцәа.
Урҭ «аблыхәшәҟаҵаҩцәа» ҳәа ирышьҭоуп. Иахьагьы ауаа дыр­гәа­
лашәоит Очамчыра араион, Баслахә ақыҭан инхоз аблыхәшә ҟазҵоз
Ԥука Берулааԥҳа3. Аԥсны зегьы ирдыруеит «Берулааԥҳа лыхәшә»,
уи «аблыхәшә ауп». Иахьа иара илҿызҵааз лҭаца иҟалҵоит.
Алитература
1. Дбар С.А. Обычаи и обряды детского цикла у абхазов. Сухум, 2000,
с. 72-73.
2. Начкебиа С.М. Лексика народной медицины в абхазском языке. Сухум, 2013, с. 45.
3. Ахархәара амоуп И.К. Кәакәасқьырԥҳа лҿынтә ианҵаз аетнологиатә
материалқәа. ианылҵеит Ц. Габниа. Аҟәа, 2002 ш. азы.

« БжьыӠа иҟоу атәыҩа змоу ацә »
«Бжьыӡа иҟоу атәыҩа змоу ацә иашьҭаз еиԥш» рҳәоит аԥ­суаа
зынагӡара цәгьоу аҿаҭахьа аӡәы исықәсҵоит ҳәа даналацәажәо.
Акы – бжьыӡа иҟоу атәыҩа змоу ацә Аԥсны иу­ԥылаӡом. Ҩбагьы –
уи анагӡара шымариам баны, даҽазнык ауаҩы иазырхәыцра ауп
урҭ ажәақәа хықәкыс ирымоу.
Ари афразеологиатә еицааира адҳәалоуп аԥсуа традициатә куль­
тураҿы иахьагьы аҭыԥ змоу «ақәҵатәы ақәхшьа» захьӡу аритуал.
Ақәҵатәы захьӡу, изаку. Ауаҩы акы данаргәаҟуа, ма чымазаҩ
ӷәӷәак данимоу ихахьы ақәҵатәы игоит «абри аус бзиала салҵыр,
абри шыҟасҵо»ҳәа. Иҟасҵо ҳәа ихы иадиҵо ауп ақәҵатәы захьӡу.
Ақәҵатәы ҵакыла акыр иазааигәоуп акәырбан. Акәырбан еиԥш
ақәҵатәгьы нагӡатәуп. Анагӡара апроцесс «ақәҵатәы ақәхра» ахьӡуп.
Ақәҵатәы зеиԥшроу иаҿырԥшны еиҿкаахоит ақәхшьагьы. Ақә­
хшьақәа зегьы, урҭ даара акыр ирацәоуп, еидызкыло, ирзеиԥшу
акәны иҟоуп иара ақәҵатәы хымԥада ақәхра ахьаҭаху.
«Бжьыӡа иҟоу атәыҩа змоу ацә» ақәҵатәы хкқәа ируакуп. Иамоуп ахатәы маӡа, ахатәы ҭоурых. Иҟан хаҵеи ԥҳәыси, даара
пату еиқәырҵон дара, аха хшаара дрымамызт. Ишыԥшыз аамҭа
рацәаны ицеит. Ҽнак ахаҵа даагылан Анцәа диҳәеит – «Абри

сыԥҳәыс хшара длоуны дҟалар, бжьыӡа иҟоу атәыҩа змоу ацә
шысшьуа » ҳәа.
Ишааиуаз, аԥҳәыс лцәа ахшаа далашәан, ԥа длоуит. Ахаҵа
иқәҵатәы игәалашәан, дашьҭалеит бжьыӡа иҟоу атәыҩа змоу
ацә.Уи аҩыза ацә Аԥсны иҟамызт. Ахаҵа дыгәжәажәо даатәеит.
Дхәыцуан акыр аамҭа. Ус игәалашәеит уи ӡбашьас иамаз. «Ахәыҷы
агара игароугьы дуаҩуп, иӡагьы аӡоуп» ааигәахәын, агара игараз
ахәыҷы иҿы днеин иӡа ааишәеит. Даашьҭалан ахәыҷы иӡақәа
быжьба иҟаз атәыҩа змаз ацә иԥшааит. Уи ала иқәыз ақәҵатәгьы
иқәихит.
Алитература
1. Ахархәара амоуп А. Хьециа иаб Џьота Хьециа иҿынтә ианиҵаз аҳәам­
ҭақәа. Калдахәара ақ., 1986 ш. азы.

Агызмал
Агызмал – аҽырҩашьара зылшо, аԥсыцқьа зхам, аԥхасҭа ауаа­
ԥсыра ирызҭарц зылшо иоуп. Аԥсуаа изларҳәо ала, Агызмал
егьырҭ ауаа дызлареиԥшым рацәоуп. Уи уахынла ицәеи-ижьи роуп
аиарҭаҿы иагәылоу, иԥсы неихыҵны ицоит. Иныҟәо адәы иқәло
Аԥсы ауп, уи ацәеи ажьи рсахьа шьҭнахуеит, маҷк ицәаԥштәхәы
хыгагаауп акәымзар.
Агызмал иԥсы ахалоит ҳәа иазырԥхьаӡоит Аты. Лассы-лассы
дытха аҩнқәа рааигәара дааины игәыҭшьаагоу ибжьы цәгьа иргоит, «ауаа сыршәоит» ҳәа.
Ус иҟоу «Аты» зықәтәоу аҵла ашьапы уҷышәыр, ашьыжьымҭан
«амцажәла сыҭ» ҳәа дааиуеит рҳәоит уи «Аты» иақәтәоу. Мамзаргьы
«Аты» зықәтәоу аҵла маӡала унеины арацәа ахьушьыр, иақәтәаз
адырҩаҽны даауԥылоит илахь ҷшәны. «Аты гызмалуп» ҳәа аԥсуаа
ражәа иалаҵаны изырҳәо убри азы ауп.
Агызмалқәа аԥсуа фольклор аҿы ирымоуп иҵегьы, рҟазшьа,
рхымҩаԥгашьа аазырԥшуа, ахьӡ ҷыдақәа: «Ақәыџьма иақәтәоу»,
«Ацгәы иақәтәоу».
Урҭ рхаҭа хацәақәоуп, аха иналаршәны акәзаргьы, еиҳарак
«Ацгәы иақәтәоу» амифқәа рцикл иатәу рҿы, аҳәсагьы ҳԥылоит.

Аҳәамҭақәа рҿы урҭ Агызмалқәа збаз ҳәа хьыӡҳәала иаагоуп,
убас дара Агызмалқәа рхаҭақәагьы. Аха «ԥхашьароуп», мамзаргьы «ргәы иалсуеит», «аблеи-аблеи еицәыԥхашьоит» ҳәа рыхьӡи
рыжәлеи еидкыланы ирҳәаӡом. Ирҳәаргьы, аҳәамҭақәа ашәҟәы
ианызҵо ирыҳәоит ақьаад аҿы иадмырбарц азы.
Ҳәамҭак излаҳәо ала, дыҟан Џьыкыр Қәаблыхә ҳәа хәышәтәҩык.
Ҽнак Абжьыуаа рышҟа дцеит. Ауха уа даанхеит. Аҵхагәҭаны акы
даанарԥшуеит. Данааԥш ибоит иаԥхьа азхаз ҟәџьалк шгылаз.
Аҭаацәа аӡәаӡәала уи рнапы анааҭыршьлак, ахаԥра инахыуаа
ицоит. Иаргьы дҩагылан аҟәџьал инапы анааҭишь, днахыууаан
адәахьы дынкаԥеит. Уа дызҭаз аԥшәмацәа зегьы ргәыла ицә ацәа
ахыхны акәац афара иаҿын.
Қәаблыхә иҽӡаны ацә ажәҩашәаҟьа иҵәахит. Рызхара акәац
анырфа, ацә абаҩқәа аибыҭара иалагеит, аха ажәҩашәаҟьа рбом.
Руаӡәк ал ҟата ааԥҟаны, ажәҩашәаҟьа аҭыԥ аҿы инеиҭан, ацә
ааибырҭеит.
Ашьыжь ацә зтәыз ицә аарла ихырсысуа иштәаз ибеит. «Усгьы
иԥсуеит» иҳәан ишьит. Ацә анааиҿырх ажәҩашәаҟьа лтәны ишамаз рбан, иаӷрырхт. Иҟалаз зегьы еилыркаан, аус иарҭеит. Ирҳәоит
Қәыблыхә иԥшәмацәа рҿы рықәшаҳаҭхеит ҳәа.
Аԥсуа мифологиаҿы ирацәоуп «Ақәыџьма иақәтәоу» ацикл
иатәу асиужетқәа. Акыр имаҷуп «Ацгәы иақәтәоу» ртәы зҳәо
аҳәамҭақәа. Иҟалап, урҭ рмаҷра дара ашәҟәы ранҵара ахьымӡара
акәзар мзызс ирымоугьы.
Алитература
1. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. VII атом. Еиқәлыршәеит,
аԥхьажәеи азгәаҭақәеи лҩит Ц.С. Габниа. Аҟәа, 2002.
2. Иҳәамҭоуп Хыш Дарафеи. Ианиҵеит Г.У. Смыр. Гагра араион, Лӡаа
ақ., 22.07.1969 ш. азы.

ДыдрыԤшь - ныха // АныԤс- ныха
Дыдрыԥшь-ныха – Аԥсны иқәынхо аԥсуаа зегьы амч ду змоу,
аиаша иадгыло, ацәгьа ҟазҵаз дахьзырхәуа, ажәлар рлахьынҵа
аӡбара зылшо нцәахәны изхәаԥшуа, изымҵаныҳәо ԥшьа цырҟьоуп.

Аҷандара ақыҭа иахагылоу Дыдрыԥшь ашьхаҿы ауп аҭыԥ ахьыҟоу.
Ашьха аҳаракыра амшын ақә иаҿырԥшны 610 метра иҩаӡоит.1
Аԥсуа жәлар жәытәнатә аахысгьы Дыдрыԥшь ашьха «ашьха
ԥшьа» ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аҷандараа изларҳәо ала, уа ахьацара еиужьны инашьҭуп. Ахьацара агәаны иҟоуп Дыдрыԥшь-ныха атәарҭа
ҭыԥ. Ааигәара иҵхәраа иааиуеит аӡыхь. Аныха атәарҭа ҭыԥ ахь
анеира аӡәгьы азин имаӡам.
Аныҳәарақәа мҩаԥыргон, имҩаԥыргоит Дыдрыԥшь ашьха
ашьапаҿы. Уа игылоу Ахьаца ду аҵаҟа ишьҭоуп зҿыгҳара метрак
иҟоу ахаҳә ҟьаҟьа ду. Ахаҳә дықәгыланы дныҳәон аныхаԥааҩ. Убри
аҟнытә уи «аныҳәарҭа ҭыԥ» ҳәа ахьӡ аиуит.
Ашьха ашьапаҿы имҩаԥыргоит аныҳәарақәа рацәаны. Зегьы реиҳа ауаа рацәа еизоит ԥхынгәы алагамҭазы, мҽышак
аҽны аҷандараа имҩаԥырго Ацуныҳәара аан. Ацуныҳәара аан
аныҳәаҩ Дыдрыԥшь-ныха даҳәоит аҽаҩра бзиахарц, аарҩара
ҟамларц азы ахылаԥшра бзиа риҭарц. Ацуныҳәа мҩаԥыргон
ақыҭа ацуҭақәа рыфбагьы еилахәны. Цуҭацыԥхьаӡа ацәшьтәақәа
акака наргон. Аҳәсақәа алахәын, аха аныхаԥааҩ данныҳәоз инаскьаны игылон2.
Дыдрыԥшь-ныха ашьапаҿы имҩаԥыргон, иара убас, аижә­
лантә ныҳәарақәа, аҭаацәаратә ныҳәарақәа. Аҭаацәарақәа
рны­­ҳәара мҩаԥыргон Дыдрыԥшь-ныха зныхахәыз зегьы. Аныха иам­ҵаныҳәон аҩы цқьа зҭаз, аҭаацәара иртәыз аҳаԥшьа
ахьыҵаз агәараҭаҿы. Ачашә ду рӡуан, аӡыс ршьуан. Аҩы цқьа
зҭаз аҳаԥшьа уи аҽны акәын ианхдыртуаз. Аирыӡ азна ахырхуан. Аныҳәаҩ изнапык аҿы аӡыс агәи-агәаҵәеи зхаз арасаҵәы
икуан, егьи инапаҿы амца зкыз ацәашьы. Ашьха-ԥшьа ахь ихы
нарханы дныҳәон3.
Дыдрыԥшь-ныха амҵан ныҳәара инеиуан ачымазарақәа зхым­
ҵӡо иркуаз зегьы. Ахныҳәаразы инаргоз ашьтәа, ихәыҷы, иду
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Амифи аритуали - 02
  • Büleklär
  • Амифи аритуали - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3580
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3614
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2145
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3642
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2095
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3614
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3626
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3670
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3629
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2152
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3610
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2027
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3551
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2028
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3600
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2178
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3603
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2191
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3565
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2164
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3578
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3672
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3649
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2372
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3599
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2081
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3028
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1914
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.