LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Амифи аритуали - 16
Süzlärneñ gomumi sanı 3599
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
цҳакы ирыбжьоп. Убри ацҳа уызнырыр Анырцә унеот.
Изхысҳәаао, Анырцә мҩа уанықәло Ашацәы урыманы, урҭ
ҩыџьа ыкоуп, убри ацҳа инадгылоит. Ацҳа арахәыц аҟра иҵаӷоп,
арахь иара дықәсроуп. Даннықәгыло, рҳәыит, абри ицгәы иԥсхьаз
ицгәы, «миаау», «миаау» ҳа аҵыхәа баббаӡа иаакылҟьозаап.
Ауаҩы деигәырӷьаны «унан, сыцгәы» ҳа искот ҳа дашьҭалоит.
Ацгәы иаҭахыу уи оуми, ацҳа ахәша ықәшьо, наҟ дылырҩрны
Џьаҳаным дҭасыжьоит ҳа иалагазаап. Аха Анцәа адунеи акала
имшеи, сикәхшоуп. Убри азыҵәҟьа иаакылҟьозаап егьыи ила
иԥсхьогьы. Уи ацгәы нықәцаны, абыз џьаџьами, ашыҩшыҩҳа
инықәшьо ахәша аамхны ацҳа па арџьаџьоит. Нас ахаҭа ааскьо,
иааскьо икратәы иааиот. Иаргьы, «унан, сла, сла» ҳа искот ҳа
днашьҭалот, дзашьҭоу, икышашәа игәы ишабо ацҳа днықәсот,
Џьанаҭгьы дналагылот.
Ари Анцәа игәеиҭазаап, иимбо иҟоузеи усгьы, зегьы иара имбо,
злыԥха ҳауша. Дааԥхьаны ацгәы еиҳәазаап: «Уара уыԥшәма ус
узизныҟәои? Уара уыԥсы ахьынӡаҭаз иара иакәымзи акрыуҿазҵоз.
Уара Џьаҳанымҟа дыздәықәыуҵози?».
Ацгәы ԥхашьома: «Анцәа, исхарам акгьы. Сара уи зныкгьы схәы
ҟаимҵаӡаст, зныкгьы сара избо крысҿаимцаӡаст» ҳа аҳәозаап.
Уи ус изаҳәазгьы убри ауп. Ани Аҩсҭаа акранаҿауҵо, иамбошәа
ала хҩаны ауп изиымнахо, ушьҭан зны «акгьы сымбазт» ҳа сҳәап ҳа.
Абас ацгәы ҳарамыуп. «Амла» ҳа ианкьио убла ихԥшылоит, ахәы
аноуҭо алақәа хҩаны иуымнахоит.
46. Нарцәы
Бжьы мшы дыԥсын уаҵәеиԥш… Агырқәа хымш рыла дыржӡом,
аԥсуа иакәын дызжуаз, доу. Сара санхәа лабду Шьамаҭаан. Гәдаа
тәын. Убри иоуп иара. Имаҭәа аӡахра иаҿын, ихаҭа даақәтәеит.
Хәҩык роума, фҩык роума аԥацәа иман. Иара даақәтәеит, рҳәеит.
Даҽа быжь-шықәса дыҟан рҳәеит. Убри саҳахьеит.
Ииҳәаз ҳәа исаҳаз…
Уа ԥҳәыск дыҟан, рҳәеит, аиқәара лшәын, лыԥҳацәа ԥсхьан,
лыҷкәынцәагьы.
«Даажәг», иҳәан, дааргеит, иҳәеит. «Бымаҭәақәа бшәых. Бара
бтәқәа ашәшьыра иҵатәоуп. Наҟ аҵәыуара баҟәыҵ. Убра аџьам
рымҵагылоуп, лаӷырӡла иҭәоит шьҭа. Иҭәны, абри анкаҭәа нахыс
Џьаҳанымҟа идәықәырҵоит. Беиқәара бшәых, ашәшьыра иҵга,
аҵәыуара баҟәыҵ!» – ҳәа леиҳәеит.
Егьи еиҭа ҩыџьа аишьцәа ыҟан, иҳәит, адгьыл еимаркуан,
иҳәит. «Араанӡа са истәуп» ҳәа иҳәон аӡәы иҳәит, егьигьы убас
иҳәит иҳәит. Урҭ аишьцәа ԥсхьан, аха ихшаара ыҟан, да, иԥсхьан
аишьцәа. Урҭгьы ибеит уа. «Мҵәышәк, мҵәышәк ала анышә
иаҵоуп, иҳәит иҳәит. Иаашьҭыхны инаганы ана иргылоит «араанӡа
са истәуп» ҳәа иҳәоит, иҳәит. Егьи имҵәышә иман дааиуоит, «арахь
са истәуп» ҳәа иҳәоит. Абри иаҿуп алага-ҩага. Иԥацәа даарыԥхьан,
«шәнеи, абжьаанда џьарак иҟашәҵа. Абанҭ шәабацәа анышә изҵоу
иаҵшәх!» – иҳәеит иҳәит. Абри абас реиҳәазшәа саҳахьеит, абри
убри иҳәамҭоуп ҳәа. Убра дахьыҟаз ибеит урҭгьы ҳәа.
47. АЦӘГЬА ҞАЗЦО АНЫРЦӘ ИԤЫЛОИТ
Ҩыџьа аицалацәа ыҟан. Аӡәы дӷарын, деҭымын, лхәыҷқәа лара
цәгьала дыҟан.
Aӷap рыцҳа дцаны, ани лацала беиа дцаны длыҳәон, дылзылагон.
Уаха данцоз акымзарак лылҭаӡомызт, лаҳә дкыласны длышьҭон.
Ани илагоз арыцҳа, дахнеоз леимаақәа аалышьхны, инҭаԥсоз
ахәыӡ ааҭыршәшәаны, ақашь алхны лхәыҷқәа алалыжьжьон.
Ус мчыбжьык ҵит, жәамш ҵит. Ани дӡырҩуан акрызмаз лхәы
ҷқәа еибгоу, иҟоу ҳәа. Ани арыцҳа иаалго ала лхәыҷқәа алалыжь-
жьоит. Ԥыҭк анҵы, ани уамашәа илбит, лхәыҷқәа зымԥсозеи,
ирымеи ҳәа.
Даалаган дцан аеҭым лхәыҷқәа дразҵааит «ишәфозеи, шәыԥсы
злаҭозеи» ҳәа... «Ҳаԥсы злаҭоузеи, мама уаха длаганы данааилагь,
леимаа инҭаԥсо ақашь алхны ҳалалбоит».
Даагьежьын лыҩныҟа дааит. Адырҩаҽны еҭарагь лагара дааит
ани арыцҳа. Данцоз леимаақәа алышьхны, иршәшәаны длышьҭит.
Ларгьы уа лагара даҟәыҵит. Ани аԥҳәыс леишәацәгьа даачмазаҩ
хан дыԥсит. Ани лагара инеоз аԥҳәыс рыцҳа уахык дахыҩеаз
ԥхыӡырла илбит: лаца иԥсыз аҳәынҵәы дылоуп агьергьалас
лышьаҵаны акамбашьқәа ирышьарҵо. «Ибыхьи» ҳа слызҵааит
лҳәит ԥхыӡырла. «Исыхьзи, са исысҭахыз сыҟан, бхәыҷқәа амла
иԥсон, ирфашаз ахбысымҭоз азы анаказаниа сықәырҵыит. Бара
бааины саалбымгакәа саурыжьӡом» ҳа лалҳәт. «Уа быҟаз, са схәыҷ
қәа сааӡароуп!» – сҳәан слыдҵны сааит лҳәит.
Аеҭым лхәыҷқәа рызҳаит, рхы иахәо иҟалеит. Егьырҭ, аԥҳәыс
бааԥс лхәыҷқәа, акрыура рыздырӡомызт, аԥсра иалагит. Анҭ рҿы
иааины, ирыҳәаны, акррымхны ирго иалагит.
48. ИЛАБҾАБАТӘУ АԤХЫӠ 2
Хьачхәамакәӡам, уаҵәауыхеиԥш сыҩиеит, сҩыиен еиԥш, сы
шыҩаиазеиԥш снықәкара сцеит. Хаангьы, уаха сахыҩиаз шаанӡа
уаҳа смааԥшӡыкәан, сзымааԥшӡыкәа шуа, шәарацара сц’он, агьи,
абна, ашьха сцон, аҩны ауыс зуон, скараха, аха хаан сыҟамлацызт.
Ԥхыӡырла уыс збыит. Сан рыцҳа даакылсхын, – ак уасҳәар
сҭахын сааит, – лҳәыит. – Иыбҭахзыи, – сҳәан, – абрыи ҩахьхьи
амҿы ҳамазам, лҳәыит. <...> наҟ иыҩнашҟа амца еиқәыиҵоит,
ҳара ҳахыиуа, акрахаҳфо хазы амҿы ҳамазам, амца иақәҳҵо амҿы
ҳамаӡам, мҿык ааганы иыҳауҭар! «Уыс акәзар ибзыиоуп. Сҩеиот
ауардын сыманы, амҿы наганы убра уардынк, уардынк амҿы
рысҭоит, нас еиҭаҩазгахп!»
Сангьы, уаҳа ак мҳәа, дындәылцны дцеит. Ацәқәа ауардын
ҩҵасҳәан, колхоз цәык сыман, уи азагатовка иарҭахьан, амни,
Ари ԥхыӡуп. Избазгьы аинформант иоуп. Ишибаз еиԥш иеиҭеиҳәеит. Дзы
қәшәаз ахҭысқәа зегьы асимволтә ҵакы рымоуп, аԥсҭазаараҟны аҟалара иаҿуп.
дук, цәеиқәаҵәа дук, са исымаӡамызт, уыи еиԥш ацә иыҟаз,
рыҩбагьы ҩҵаскын, исыманы абас сҩыбжьалан, <...> иҭаацәа рханы снеуанеиԥш, ауардын азна амҿы рзызгап сгәахәын, иԥҳәыс
<...> дыхәнаны, уа уаагыл, – лҳан дыҩхәнеит.
– Иыбҭахзыи, – сҳан.
– Абра аҩндуаа рыҟны ҳанырҿыҵоз иааган, – лҳәыит, – стулқәак,
агьи, уыи амода уажә иыҟаӡам, арыи амца иақәҳҵар ирыцҳаҳшьот.
Уыи иахдәылаагаз <...> иа иымоугьы гарҭа амам, аха уа иҩоугар,
рҭахызар амца иақәырҵап, уахцо ига – ҳа, уыс лҳәыит.
– Сара мҿаагара сцоит, уажә шәарҭ шәыстулқәа, агьыи, уыи
иаажәгаз ргаха са иабасымоу, – сҳәыит, – ацәқәа ааныскылан,
сцәажәоит.
Уыбрыи амомент, амомент азаҳа, <...> иыҷкәын еиҵбык дыҟоуп,
хәҷык, а, джыцәӡа: – Уыбра иҩогар, агәашәаҟны, нас сара наҟ, сара
<...> иасҳәоит, – лҳыит, – сара наҟ, сара наҟ иназгоит, – лҳит, – Уара
аҩада мҿаагара уыцап, – лҳыт.
Уыбрыи лҳәамҭазаҳа, абныи ауардын аԥхьа сахьгылаз, ацәқәа
наҵҟьеит, инаҵҟьеит, аха сара исымаз ацә еиқәаҵәа, абрыи амашьына шьҭхысаан ианцоиԥш, абанс срыманы инаҵҟьеит, ауардын,
аа, сыӷраԥлот, ма ацәқәа сысоит, ма сымҩахҟьаны сыршьомагь
аасгәахәт. Ауардын ачарҭ ахәда, ауардын ахәда снапы акәыршан
иыскын. Абри амашьына ишьҭхысааны ианцоиԥш, абас срыманы иызнеиуаз акәымкәан, аҩада са иахьысҭахызгьы акәымкәа,
иааҳәын, абрыи алада <...> зланхуаз ала, абри алда срыманы илеины иылбжьалт. Шьҭа уысгьы ауардынгьы цҟьоит, ацәқәагьы уажәыуашьҭан самҟьар сыршьуот ҳа уыс оуп сшыҟоу, снапакәыршан иыскыуп, ашьапгьы ҟәҿуп, иӷьны ицот, машьынак иыӷьны инцоиԥш.
Сышлеиуаз акәымкәа <...> ила уахьыҩхәно абри <...> игәашә
аԥхьаҵәҟьа архәара сагьаавшәеит, аа, уаҩы нырҳарак дгылоуп,
лабык икыуп, илабы, а, иара ихаҳәҳәоит, хылаԥык аҟра ичықьӡа,
абыс иыԥшӡаны, ачыхә ахьссы, хылаԥык иаҟраны илабы, а, ахы
иахарԥоуп, иҩхаҳәҳәоит алабы иику. «Уоу, оуҳоу, ҳоу» ҳаны, ацәқәа,
аҟами, аӷьеҩҳа иымышьҭразы ибжьы нрықәиырган, ацәқәа ааҳәын
наҟ амҩа инымҩахҟьан рҿынархеит. Уажәшьҭа агәашә саадырхоит,
сц’ҟьа сцотгьы аасгәахәт. Аныи алда излацоз, анс, иымышьҭыит,
аныи уыи иыргьежьит. Алда иц’ар, уыи, нас исымҳәои исыхьуозгьы.
Агәашә саахот зысҳәоз, аха аҷараҳа агәашә аҟныҵәҟьа иаагылт,
ацәқәа атахҳа иаагылт. Агәашә аркын, сшьапгьы лықәст, сшәаны
сыҟан: «Абра уалҟьар, – иҳыит, – абныи <...> дахьынхола, Бармышьала, урыма илыҭалуан, уыцҟьа, ууардынгьы уаргьы шәыцҟьҟьа
шәрыма ицон, уыԥсы аансырхыт, — иҳәыит. Нас, уысгьы ааиҳәыит,
удыро, – иҳәыит, – џьа сцот, уызгот, – иҳыит, – абыржәыҵәҟьа
уаалароп, – иҳит. – Maп укыр ҟалаӡом», – иҳит. «Сара џьара сцо
сабаҟоу, сан амҿы лҭахын, амҿы ҳамам ҳа днеит. Ауардын азна
амҿы лзызгап ҳа сгәы иҭан. Сара уажә џьа сыцәқәа кажьны уара
сабоуыццо, уахь сцаӡом», – сҳыит. «Хаалагьы уаалар еиҳа еӷьыуп,
– иҳит, – умаалар зынӡа иҟалаӡом, иыузыицәахот, – иҳит, – мап_
укыр ҟалаӡом, – иҳан, – аӷьеҩҳа дагьыҩсыҵаҟьеит. Уаҩоу дук,
иԥҵқәа хыршаны, илабы иыҩхаҳәҳәо икыуп, аха уахиыхәаԥшогьы
уыицәшәаратәы дыҟоуп. Даныҩсыҵаҟьагьы, абри убас адыунеихаан аӡәы сагьыимыршәаӡацт, уыиаҟара сиыцәшәеит. Убрыи амомент азы нас аныи <...> иыҷкәын еиҭа, афырҳа даасыхьӡахт, дызлааизеи?! Абрыи иаразнак дсышьҭалама, абыриаҟара иласны ацәқәа
аауан, дызласыхьӡеи аасгәахәт.
– Ууардынгьы уыцәқәагьы са изгоит, уыи аҩада иахуҳәаз, –
иҳит, – уара уиыцны уца, ацәқәа уа сеизгоит уа! – иҳыит, – сцаӡом,
агьиҳа, уаламган уаҳа, – иҳыит.
– Са сыда уаҳа иыуго дыумбаӡои, – сҳыит сара, – иаҳа, усыдызкылеи, сцом, – сҳыит.
– Уымцар ҟалараны иыҟаӡым! – иҳыит, – усаԥас, уажәыҵәҟьа,
– иҳит, – Ара <...> иҟны снеин, иҳыит, – <...> ииарҭа дагәылаиан,
– иҳит. – А, уахак сыиҿыуп, – иҳыит, – мап икыит, сшьапқәа сыхьоит, – иҳыит, – сзықәгылаӡом, аболницара сҭан абыржәоп санаа, сышьҭыхны суымгозар, уаҳа шьапы сыҵаӡым, сабоуго! – ҳа
иҳәыит, иҳәыит.
<...> ишьапгьы иыхьон, аболницара дҭан, данҭыҵҵәҟьа акәын.
Уажәыгьы иыхьот, уыс дызныҟәаӡом. «Са сызныҟәаӡом, сабоуго,
сышьҭыхны суымгозар, иҳан, иымуыт, – иҳит. – Са исылоухыи,
абра <...> дыҟамыи, ладахьы, мо, акыр зхыҵо еиҳабык даага ҳа
рҳәазар, – сҳәыит.
Са соумыи изеиҳәо? <...> абра иеимҳәабжьгьы саҳахот. Ыҳы,
ыҳы иҳәахозшәа убас саҳот. Ладахьакәын. «Уыи деимҳәот, аԥсра
даҿыуп, дабазго! – иҳит. – Уара ианысҳәа, усаԥас, уажәыҵәҟьа! –
иҳан, сыҩиаԥеицан, сиыман ддәықәылт. Абры имаҭәақәа ишәыз
еиқәаҵәан, иԥаҵа хыршаны, хлаԥырчык ихан, иԥаҵа еиқәаҵәаӡа
иҟан, аԥаҵақәа абарҭ роп иымаз, алда иымаӡамызт. Нас сиыманы, афақьаҳа, ддәықәылт. Уыбра сиыман данындәықәла нахыс,
абрыи, и, ихы... иахызымбац ашьхоуп сахьнеи, сахьцоз ҳа амҩақәа,
агьи, адгьыл са изымбаӡацызт хаангьы. Абас сиыман дцот. Уыбас иҳыит, – амҩақәа анахь игоуп, арахь игоуп, абрыи слаба абас
иуывырҳәҳәаны излаусырбо ала, – иҳыит, – уыбас уцала, – иҳәыт.
Амҩақәа наҟ-ааҟ иган, амҩақәа наҟ-ааҟ ҳрывсны ҳамцо, абас, илаба абас исывырҳәҳәаны сигот, уажәшьҭа ацара саҿыуп.
Алаба аҵыхә сывиырҳәҳәот, ахы хылаԥак иаҟараны, иыԥшӡа
ны, илаба ҷыӷраӡа еилаԥсаны иыҟоуп. Аиқәаҵәақәа алоуп ихьы
цәцараха, иџьыу-џьыууа икыуп илаба ихәхәаӡа.
Абанс ҳнеиуо, ҳнеиуо, ҳазнеиуоз акәымкәан, будкак аҟны,
амҩаны, уа дтәоуп, дысторожуп уҳәаратәы, иыхьчот уҳәаратәы,
амна дтәоуп, агәашәгьы аркыуп, иара уа дтәоуп, нас уынхысны наҟ
уынҭалот.
– Ҟоҳ, – иҳыит, – ари иаума иаауго, иаауго, – иҳит, – уаҳа уаҩ
дыумбаӡоз! – иҳит. – Ари, – иҳит, – иуырбо ихаиҵот ҳа уыҟоу, <...>
даауымгоз! – ҳа уыс иҳәит.
<...> акаруаҭ дықәтәан, «сшьапы сзықәгылаӡом» ҳа иҳан, уыбра изаасымца акаҟам, – иҳәыит, – дсызлыбаамгеит, иымуыит,
дышьҭыхны дызлаазгози! – иҳит.
- <...> дга, – иҳәан, – уыбра слеиын, <...> аимҳәара даҿын, – иҳит,
– уыбрыи сзыҿыз, абри аордын, – иҳыит, – аӷьеҩҳа ацәқәа иҵҟьан
иаауон, убра ахәда кны длеион, ацәқәагьы ааныскылт, – иҳит,- убра
длавшәар, алда дц’ҟьа дцон, иыԥсы нсырхит, – иҳит, – ҷкәынак
иҭан, иара дсаԥҵаны, дсыман сааит, иҭахымызт, аха.
– Дааугазар, нас, дааугыит, – иҳит.
Уаа ашә ааиыртын, инапы неиырбан, ҳанхыҵын, адәы хәыҷны
иҟан, наҟ ҳанҭалт. Уаа ҳанынҭала, шьхараны, агьыинышәа иҟоуп,
ари наҟ ауаа ҵҟа ҟьаҟьараны, аҩада арахә аҿоуп, ауаа иыблаҟьуо
иықәыуп. Аҩада сахьԥшо, абри ҳашьха реиԥш, ҳарахә аҩада,
аҳарак мардараны иаҿоушәа збоит, аҵлақәа чықь-чықьны игылоуп, ана ауаа абри наҟ игылоуп ирацәаҩны. Уыи ҳавсын, нас,
ҳаиҭазнеихоз акәымкәа, ауаа, абас ҩадахьала имҩахыганы, ауаа
рацәаҩны, аҳәса-ахацәа, агьи, хәыҷы-ду убри убра итәоу ыҟоуп,
игылоу ыҟоуп, агьи, крырфошәа избот, абас ауарҳалқәа каршәны
иықәтәоуп, ақьаадқәа каршәны шьоук акрырфошәа. Астол гылоуп, астол аҟны амаца иасошәа збот, шьоук акрырфоушәа, агьыс,
убас нахьхьынӡа избот. Амҩа рывган игоуп ҩадахьала, сынхԥшылт
убра санынаԥш, убра дызбыит <...> иԥҳа. Убасҟан зуыха анышә
дарҭазы ауп ҳауп сзаау. Амаҭәақәа ҿыцҳараӡа илшәуп, илшәу убас
иԥыжәжәа-ԥыжәжәа иыҟоуп, касык аҟра еилыӷра-еилыӷраа, чабра
дыук лкыуп, уыи иаҟроу ачабра сымбацт, касык иаҟраны. Амныи
лҿылшьот, лылаӷырӡқәа лҿыҵкәкәа ицот, дҵәыуа убра дгылан.
Акасы лхаӡамызт. Касы лхаӡамызт, баша лхы хтны дыҟан, егьырхь
иабзыианы деилаҳәан.
Иылшәыз иажәымкәа, иҵыцҳараӡа иҟан, аха иԥыжәжәаԥыжәжәа иыҟан. Агьырҭ, шьоук, ус избахот, ипашә-пашә-пашәӡа
еилаҳәоуп, абри ирышьақәоу убас иԥшӡоуп, ақлаԥадқәа абра
иҩаганы, реимаақәа пашәӡа, убас еилаҳәоуп. Абри лара лыдагьы, убас даеа шьоукы ибзианы еилаҳәоуп, рымаҭәақәа ԥыжәжәа
иыҟоуп, акостиумқәа, агьи, еиқәаҵәа маҭәала еилаҳәоуп, рыма
ҭәақәагьы иԥыжәжәа-ԥыжәжәаны иыҟоуп, иара ҵыцҳараӡа. Амҩа
аԥхьаҵәҟьа абас ҳара ҳрывсны ацара ҳаҿуп, иара сашьҭахь дгылоуп, «...» иҳәыит. Ҿыуҭыр ҟалаӡом, умцәажәан, аӡәы уиықәымцәа
жәан. Уырҭ хрывсны, уыс ҳазнеиуаз, ҵҟа амни амҩа ҳазқәыз ила
ҵакны, ҵҟа бахәны иыҟоуп, абахә иаҿыган иыҟоуп, абахә аҵаҟа,
аҩадахьала, ҟьаҟьараны иыҟоуп. Абахәы ҩышәҟа метр аулица
аҿыган игоуп, амашьынақәа ануп, ҳаҵҟала ҽа мҩакы ыҟоуп. Убри
абахә аҵҟа, алда, абри Шлареиԥш иаакәыршан, абас хәны ыҟоуп.
Ахәы иаакәыршан, амца бырбырбырҳа, амцабз ҩеиот, абензин
ақәҭәан амца еиқәызшәа, еихсыӷь амаӡамкәа амца гылан иыҟоуп,
ҵлак ашәараҟра амца. Агәы зегьы ҟьаҟьароуп, баароуп, ӡбаароуп.
Ауаа абра ирацәаҩны, ауаа рацәаҩы иахьабалак, гәыԥ-гәыԥ, абныи аҳәынҵәы иалоуп, рыззынтәык, аҳәынҵәы иалоуп. Убас
ҳазнеиуоз абри поезшәа акы инанаган, азнаҵәҟьа, ҳаԥхьаҵәҟа,
абас хәдаҟа ҳаныихала избеит. Наҟ уаҳа бахәыуп, царҭа амаӡам,
алда ӡыҳәҭшәа иыҟоуп. Амнеи леины, абас иаарыс-иаарыс-иаарысны илбаарцан, уаа шәҩык еиҳаума уҳәаратәы, иԥҟаны иаарыс, ы, ы, илыбаарцат. Ари ушьҭахьтәи аҿаанахеит, дара алыбақәа
кны, арҭ иназгогьы иаарысуа-иаарысуа илаган, иалыҩрны ҵҟа,
абас шьамхахьы, маҟаҿаҳәарахь, агьи, аҳәынҵәы ыҟоуп, ӡбааран,
аӡқәа ҭаҭәа-ҭаҭәаны, наҟ алдагьы, нахьхьынӡа, ауаа абри ипатма-
туа, ипатматуа аҳәынҵәы иылоуп. Агәараҳа илеит, аха, уаҩ дыԥсо
зымбит. Иларыгәҭасын, рыззынтәык ирысо-ирысо, илалдырҩын,
амнахьхьы ицаны иҭаҳаит. Нас ипатматуа наҟ адәы иықәхт, арахь
уаҳа изхәнаӡом.
Уыи, нас, уыи уыс иызбыит. Уыи ҳавсын ҳнеиуо-ҳнеиуо наҟ,
ҳаиҭазнеихоз ауаа тәоуп, акрырфот, шьоук рыхәаԥшшо игылоуп, рааигәара иааны, абас риад-риадла шьоук акрыфара иаҿын,
шьоукы амаца иасошәа збот, агьыи, анард иасошәа, ицәажәжәо,
агьыи, итәоуп. Ашьашәырк ыҟоуп, уыс гәыԥ-гәыԥны ауаа тәахыуп.
Агьырҭ амни акрызфо акрыхырфо шьуокы рыхәаԥшшо игылоуп, быжьҩы, быжьҩы, ааҩы, жәҩы, жәохәҩык axaҟoy ыҟоуп. Уыи
ҳанрывсын ҳазнеиуаз... Абри астол ирхианы ианыҟоуҵоиԥш қашь,
ача уҭахыма иқәуп. Абри аԥсхәраҟнеиԥш ауп изызба, аҩы, ауаткагьы уа сеисымбеит, лыумонаҭыу, боржому ани уа акықәгылоуп, аха
аҩыҟан сымбит. Крырфуошәа, ахәыҷқәагь ыҟоуп, иыхәмаруот.
Убра ҳаннеиуоз, абни наҟ цҳак гоуп, ацҳа убас иыԥшӡоуп, аха
ипашәӡа, уаа, сторожуп уҳәаратәы, убас аӡә дгылоуп. Ипашәӡа
убас ацҳа ҟаҵоп, аха уазымҵаан, Убри ацҳа аӡы леиуот, иаҵсны
ицот. Нырцә ԥшӡаны, икеикеи-кеиуа, ипашәӡа, убреиԥш зымбацт.
Убра акы ажәҩан иаҵаҷҷит, абрыи ажәҩан ахь ацәаҟә анхылоиԥш,
ажәҩан шьшьыбакәыу, еи, икәылкәыџьоит, икәылкәыџьоит, абас
алашара наҵаҷҷоит, убас иыҟоуп. Ахаҳәқәа пашәшәӡа иыҟоуп,
ахәыҷқәа ықәлоит, иыхәноит, иылбаауоит, џьа иыхәмаруоит. Ашәҭ
каҳәҳәо, ашәаԥыџьаԥ игылоу зегьы ипашәшәӡа ишәҭны игылоуп. Ҵҟагьы убас иԥшӡоуп, амна зынзаҵәык снеины избанда ҳа,
снықәԥшында ҳа, убас аасгәахәт абара. Ауаа иықәыугьы ипашәпашәӡа убас еилаҳәоуп. Уыи аӡнырцә сахынаԥшоуп. Ахәыҷқәагь
ыҟоуп, адыуцәагь ыҟоуп, ауааҟоуп, ишәҭыхуп. Ана, наҟ, ацҳахь
сиго ишысҳәоз, илаба иырҳәын аҩда иҩсывыикын, ас ҟаиҵыит.
Убра раԥхьа инысҳәоз исзымҳәаӡыит, исгәаламшәаӡит. Амни
асторож раԥхьа дахтәаз, сторожшәа, наҟ ҳанынҭала. Ҳәнаԥык
иаҟараны аҵыӷ хәыҷқәа ҩба, ацыӷԥшра аманы, абанҭ ааины уыс
исыҵкәраа-сыҵкәрот. Ран «ӷӷ» аҳәан иаасзыҭрысын, уыи илабала, ианаасзыҵҟьа, алабы иахырԥаны абас аԥырҳа иыршәот.
Аԥслаҳә ӡарқәа ҩба, уырҭ иыԥо-иыԥо иызбот, абрахь саԥхьаҟа
иԥо, абрахь иԥоит, абрахь ицоит. Ақәҷарақәа ыҟами, жәаба,
бжьба-аабаҟа, жәаба ыҟоуп уҳәаратәы акакала исымԥхьаӡеит,
аха. Абанҭ ақәҷарақәа сшьапы ахьықәсҵо иаӷраԥалома сгәахәот,
аха уажә акы саӷраԥлогьы сымбит. Амарџьа-марџьа, ҷи-ҷи-ҷиҷи ҳа абанҭ ақәҷарақәагьы сышьҭоуп. Анҭ ақәҷарақәа, «абри
закәи, абарҭ аба.., аба..., абасыдхалеи, иабацо, агьи», сгәахәот.
«Аныи сафот», сҳан, «уыи са уаҿасҵаӡом», иҳит. Иаа, уажәы-уажәы
иаасзыҵҟьоит, илабала аԥырҳа иршәот аҵыс хәыҷқәа ран. Агьырҭ
хәыҷқәоуп. Абанҭ аҳәынаԥқәа ираҟароуп ихәҵаԥшьӡа, аҵыхәа
чбыбқӡа, агьи, иԥшӡоуп. Ран ахәыжәыла хаха, агьы, «ӷӷы» аҳәоит
исышьҭоуп, «ӷәырр-ӷәырр-ӷәырр» аҳәоит аҵыӷ аныи, уажәы-ужәы
иысзыҵҟьоит.
Наҟ, аныи ацҳа аԥшӡара сцап ҳа хсгәыиҭаз, знызаҵәык ана
снықәԥшны избанда ҳа сахьгәаҟоз, «уахь акәым, арахь ауп» иҳан,
илаба ҩсывиырԥан, сиымшьҭит. Аҩда ҳаҩхалахын, уахь шьоукы абри аҩада иҩаскьаганы рыбжьы гот, уыр-уыр-уырҳа ауаа
ирацәаҩӡаны ақды иқәтәоуп. Ac ҳанҩавагьыжь <...> рыцҳаи, <...>
дтәоуп <...> ахахьшәа дтәоуп, <...> иҵыхәаны, ишьапқәа наҟ ихыганы. <...> изнапык ақды иықәыуп. Абрахь даахан даасыхәаԥшит,
аха илақәа хааны, агьины, данызбагьы, ыҟами, «ари дабаҟаз,
дыԥсхьан», аасгәыхәт, аха <...>, уыи зны даасыхәаԥшын, уаҳа
дсыхәамԥшӡит, ихы инапаҵакны, амныи аҩада ауаа ахцәажәо, амниахь дыԥшот. Игәы акалоп уҳәартәы, убас деилахәлан дыҟоп. Ани
<...> илақәагьы ихааҷкәакәараӡа, аха ҿыуҭыр ҟалаӡом, иҳәыит. Иаргьы уаҳа дысмацәажәеит саргьы, <...> уызбаҟоу, ара уабатәоу, сҳәар
сҭаххан, аха ари уаагьы ибжьы аархәыҷны, «ҿыумҭын, ҿыуҭыр
ҟалаӡом» ҳәа сеиҳәт. Анҭ срацәажәар иҭа, иҭахымхт. Ҳазҩеиуоз,
уысгьы, анҭ ҳаҩрывсын, саргьы схьаԥшын ҩынтәҟа, агьи «уца,
уца», иҳит.
<...> дсыхәаԥшот, саргьы сыиҿыԥшоит, сиацәажәар сҭахыуп, аха
арыи исирҟаҵом.
Ҳазҩеиуоз ауаа рацәаҩны игылан, ауаа ҳаҩрылагылт. Насы,
иҳит, арыи ахәаџьа дыу дмааӡыци, иҳаит, агьыи, сҩазгаз. Абар,
абар, рҳәит. Даот, рҳәит. Даауот, агьыи, акәӡам, иахьак ҳизыԥшыуп,
иҳит. Уаҩык дылкылст, дхәаџьоуп уҳәаратәы, уаҩеиқәак. <...> аныи
сара сызгоз уыи еиҳа уаҩы нырҳауоп, агьи дылкылсын, нас, «сааит
шьҭа», иҳәит.
– Ажәлар, дад, – иҳит, – ишәҭахыу, шәгәы иалоу сашәҳәа,
иышәҭахыу исашәҳә, ишәҳәы шьҭа, – иҳәит.
Насы аӡәы:
– Ҳгәы иалоузи, – иҳит, – ауаа, – иҳит, – хтаҳажьо абри наҟ
ацәгьоуцәа, абарҭ иаком, иҭәыт, иеилаҳаит, – иҳит. – Ԥсыхәас
иаҳҭои, иабааго, ауаа ааганы иҭаҳажьт, иҭаҳажьт, иҭаҳажьт, – иҳит,
– иҭәыт шьҭа, – иҳит, – еилаҩынтны ауаа аҳәынҵәы иылоуп, –
иҳит. – Аӡәи-аӡәи еиқәыжьуп, иабааго, иҭәыт, – иҳан, уыс, иҳит.
– Уырҭ ирзыутәыу уысоуп, – иҳит, – иааизцыланы инаган, амни
наҟ амца ахыҟоу, амца инажәҵан, – иҳит, – инеимгәаблы ицап,
амца иаблып! – иҳит. — Агьырҭ уыжә иаажәго, – иҳит, – уа иҟазааит,
ԥыҭрак, иагьа ҟарҵахьазаргь уа ирхаргап, ауаа ирбалап инеисааиасуа, – иҳит. – Насы, – иҳит, – уаҳа, уаҳа ишәҳәар ишәҭахыи,
– шьҭеиҳан, аҽаӡәы уыс иҳәыхт, – сара ак уасҳәар сҭахын, – иҳит.
Изакәи, – иҳит, – исоуҳәо, – иҳәыт, иҳыт.
– Ҟәыхшьас ирымеи, – иҳит, – ари агәнаҳа, ирахәым ҟазҵо,
агәнаҳа ҟазҵо, ацәыгь ҟазҵо иаҟәыҵӡом, абарҭ ҟәыхшьас ирымеи?
– иҳит.
– Ҭырқәтәылан ауаа аԥсыцқьақәа ыҟоуп, ахәаџьа абрахь иааргаз, – иҳит, – ираҳәо, ираҳәо, убыржәы агар игароу асаби иниыркны, – иҳит, – убри ала уажә еиҭаумбжьозар, убриала иацәыршәаны
иаҟәыумхозар, арҭ изышьцылаз абас иаҿызааоит, – иҳит. – Уырҭ,
ацәгьоура иаҿыу, – иҳит, – уырҭ ҟәыхшьамаӡам! – иҳит. — Уаа изхазго маҷыуп, ацәгьара иақәшәо цәгьала иҭадырхот, аха уа изхазымгаз, – иҳит, – арахь ианааилагь амна иҭашәыжьлар, – иҳит, – уа
ирхаргалап ауаа рыхәаԥшуа, аҳәынҵәа илажьзаап, игәаҟуа.
Нас, сыжәиа аникылан, – арахь угьежьи, – иҳан, – саазгаз ани
ибжьы аархәыҷны, ҳлагьежьын ҳҿылаҳхт.
Ҳанылагьыжьгьы, ани <...> уаҳа дсыхәаԥшӡом, ани аҩда ицәа
жәот, агьи, ирҳәо сзеилкаауом, <...> анахь дырзыӡырҩот. <...> дсы
хәаԥшоит, дсыхәаԥшо саргьы сиыхәаԥшот, сиацәажәар сҭахын, аха
ани азин ҟаиымҵит. Сылҩыиасын сеиҭааҳәын, сиыхәаԥшын, «уца,
уца», иҳит. Иара ус ҳҿылахан, ани ацҳа аԥхьаҵәҟьа ҳанлеи, будкак
гылоуп, ҳанлеиозгьы избит, изакәыз сзымдырӡит, аха цқьа избуо
иыҟаӡамызт, амныи абудкаҟны аҽҽаҳа аӡы, аӡы ҭаҭәот.
«Ара уааи», иҳан, амҩа аԥхьаҵәҟьа ас слықәгылазар, ихыбны
иыҟоп, абри «акольцо» абитон еиԥш абанс акы аӡы ҭаҭәот, атруба
аҽырҽырҳа аӡы ааиуот. <...>, ыҟами, инапқәа ивоуп, ӷәыжәпак даныуп, исинаало, ыҟами, аԥсы дызқәырҵоиԥш, инапқәа ҿаҳәоуп, наҟ-
ааҟ аҵәымӷқәа алоуп, ашахақәа наҟ иааго, ааҟ иааго, нахьхьынӡа
иҩаго, аахьхьынӡа иааго дԥаны, амна, аӡы далажьыуп. Зны абрахь
иыхҽҽот, аӡы ниыхҽҽот, аныихҩхҽҽот, иыхҽҽот, аҽҽаҳа иықәҭәот,
иара аӡеилагьежьуот, алада иахырҩны наҟ иҭаҭәот, аӡы хыҩрны
ицот. Иара, амна, аҽҽаҳа иахлеиуа, акәыпа ӡсо, амна, ихыуп.
Имаҭәақәа абри џьа данцуоогьы ишәиҵоиԥш абас деилаҳәоуп,
инапқәа ашахала иҿаҳәаны иыҟоуп. Амни, аӷәы далаҿаҳәа,
дықәҿаҳәан дыҟоуп, дӡааҟәрылаӡом. Дӡааҟәрылаӡом, аҽҽаҳа аӡы
иықәҭәот, абри ихы-иҿы, агьыи, ылҳәҳәан, аӡы абра игәышԥы,
агьы, аӡы аахаҵәо-аахаҵәо-аахаҵәо. Аӡы шыуп, амҩа ҽҽаҳа
аӡыршы ааиуот. Нас уыи ҳавсын ҳҿылахит.
- Арыи шьҭа иуасҳәалот, – иҳит, – уӡырҩла, – иҳит, – иысҳәо
ухоумыршҭын, – иҳит. (Аӡарқәа, акәҷарақәагьы, уырҭ, адырҩегь,
исыцыуп сахцо. Анҭ акәҷарқәа сшьапы неихызгалак, сшьапы
иахашәома сгәыхәот, аха сшьапы, и, иаҵашәаӡом, дара шыҟац иаауп, ицкәраа-сыҵкәраа ицот, маҷк саԥхьаҟа икәырруа исышьҭоуп.
Аныи аҵыӷ, уыи алабала иршәот).
– <...> – иҳит, – даныхәыҷыз ианду даалган, – иҳит, – <...> дыумдыруазыи, – иҳан.
– Ааи, дыздыруан, – сҳит.
– Ианду дыԥсылманын, – иҳит, – дахаанагаз қьырсианцәан. Ара
данаалга, – иҳыит, – анду ҩыџьа аԥацәа лыман, аиеи, ҳара дҳаиуан
лхаҵа. Лыҷкәынцәа нҭаха, лыԥҳа лыҷкәынцәа ракәын илымаз,
лыԥҳа <...> дрыман, ԥшьҩык аԥацәа лыман, длеины <...> даалгыит, дыхбыџӡа дыҟан, ихыҵыр ҟаларын ԥшьысқәса-хәысқәса, уаҳа
ихыҵӡомызт. Длааӡеит. Ла дыԥсыит. Иара уажәы Анцәа ишиҳәара
дыҟан. Иара дыԥсит акәымзар, иҷкәынцәа, агьи, Анцәа ишиҳәара
дыҟоуп. Сқәсыки бжаки аҟра ҵоит, аԥсхәы руыхьеит, агьит.
Лара длырԥсылманын, дара қьырсианрала <...> анышә дарҭеит.
Уажә амна иуыс рыӡбот, иуыс иахәаԥшыр, – иҳит, <…> – иԥҳәыс
дыԥсылманын – иҳит, – аҵыхәтәан иааигаз, – иҳит, – думдыруаз,
– иҳан, – ааи, сҳит. – <...> дахыҟаз дылгар лҭаххан, уыгьы иара д,
ддырқьырсиант, амна, руыс уажә иахәаԥшоит, – иҳит.
– Убас агәнаҳара ҟарҵама, ииашам ҟарҵама, амни аизара
ахьыҟоу, – сҳит, – амна руыс рыӡбоит абанҭ ауаа, ахәаџьа дахааиз, – иҳит. – Абанҭ аҳәынҵә иылажьыз, агьи, иыҟақәаз, агьи, уырҭ
усырбыит, – иҳит, – иыуҳәап, – иҳит. – Уыи заҟаҩы ыҟоу Анцәа
идырп, абанҭ еизаз зегьы руыс рӡбот, – иҳит – иганы аҳәынҵә иларыжьо дыубап, агьи, наҟ, Аџьанаҭ ахь иырго дыубап, агьи, арахь,
иқәырҵо дыубап, – иҳит, – ара ԥшьыџьара ишаны иҟоуп ауаа, –
иҳит. – Џьанаҭ ыҟоуп, уыи аамышьҭахь иыҟоуп, уыи аамышьҭахь
иыҟоу ыҟоуп, уыи аамышьҭахь иыҟоу ыҟоуп, Аџьаҳаным, амни,
аҳәынҵәа иалажьыу ыҟоуп! – иҳит. (Ахәаџьа, уаҩԥсҵас деилаҳәан.
Ахәаџьа ҷыда амаҭәа иымаӡамызт).
Насы, «ари, <...> шиакәыз дыумдыруаз, – иҳан.
– Дысԥазымдыруаз, – сҳит.
– Иареи уареи шәызбаҟаз!? – иҳан,
– Ҳа, ас, са сзаҳа дыбзиан, абзиаҳа дсыман, – сҳит, – агәыла бзиа
ҳа дсыман, ҳаишьцәан, сыҩны днеион, агьиуан, иареи сареи хаангьы иакәым ажәа еибаҳамҳәацызт, бзиа ҳаибабуон! – сҳит.
– Угәы далсма? – иҳан.
– Ааи! – сҳит.
– Угәы далс акәым, ари дгызмалын, ауаа зфоз иоуп ари!
– Иыҟаиҵеи! – сҳан, – иыҟаиҵахьазеи? – сҳан.
– Ари, – иҳит, – даныҩагыла, аусура даналага нахыс, – иҳит,
– <...>дыҟан, – иҳит, – уара удагьы, ашә аазго шәкьылак анааргалак иаажәа, иажәеижәаба кьыла аахыихо, ахыихон, – иҳит,
– ирниҵаӡомызт ақьаадқәа, ианҵаны иыншәиҭуон, – иҳит, –
ишәыман шәцуон. Иыҟашәҵо иареифон, – иҳит. – Аџьықәреи лоугар, – иҳит, – тонак, – иҳит, – ииҭахыу хҳәаны иҟаиҵон, ана абжа
ахыихон, – иҳит, – акапанга уыздырӡомызт, – иҳит. – Иара ииҭа
хыу аныиҵон, – иҳит, – нас иара иҭиуан, агьи ииҭахыз анҵаны
ауаа ириҭон, – иҳит, – ауаа ифуон, аџьықәреи иҭиуон, – иҳит, –
аԥара аҭнихон, – иҳит, – ауаа ртәы афара даҿын, – иҳит. – Аҳәақәа
ҭакны иман, ичахон. Аҳәақәа ириҭоз иҽаг кны иааирых џьыушьо,
абрыи ауаа ртәы, иззымдыроз ртәы иигоз, аҳәақәа чахны иҭиуан,
– иҳит. – Аҭаҭын склад аҟны ауыс иуан, акапанга, аҭаҭын зларкапано, – иҳит, – амаана аирҟаҵон, аҭаҭын ахҳәаны иыгуон, – иҳит.
– Иажәеихәба, иажәеифба, иажәеижәаба кьыло иҟало аденгь, –
иҳит, – иара иыхҳәаны иҟаиҵон, и, хә-кьылак, жәа-кьылок денгь
цыԥхьаӡа игон. Уахык каамеҭ ҟаиҵаӡыит, – иҳит, – аерманқәа, –
иҳит, – дырдыраанӡа ихәы ааргон, – иҳит, – аҭаҭын бзианы иаарҵон,
– иҳит, – абанҭ аерманқәа роуп, аԥсуаа ԥхашьаны агьырҳәаӡом,
аха, – иҳит, – абарҭ аерманқәа лыизашшын, – иҳит, – дааган абра
Џьаҳаным аӡы даларыжьт, – иҳит, – ауаа дырбо, драҳуо, – иҳит, –
абра аӡыршы далажьыуп. Арыи еиԥш заҟаҩыҟоу удыро, – иҳит. –
Ари уара иыуҳәап, – иҳит, – абыс иызуыдсҵо.
– Арҭ закәыу крыздыруоу, – сҳит! – Арыи, – иҳит, – ақәҷарқәа
абарҭ ҷу-ҷу-ҷу-ҷу ҳа иуышьҭоу, – иҳит, – ран акәарҭ зымбаӡит
амалагьы. – Арыи, – иҳит – «Везирахә» ҳа иашьҭоуп ашьха, – иҳит.
– шәарацара уцан, – иҳит, – уеиқәшәан уаауон, – иҳит, – ақәасаб
ушьын, – иҳит, – уеидара уаҵалан узааиуоз, амшгьы ддо иалагит,
– иҳит, – акырцх, ақәа алеира аҽазкны иҟан, – иҳит, – абынкәт
акәҷарқәа ирхатәан, – иҳәит, и, иҩаҵԥраан аҵла ианҩықәтәа,
– иҳит, – ахы ашьацма ҩаҭан, иҩага, иҩагәыдуҵан, иушьыит,
абри аҟәарҭ ҟәыҭ, ҟәыҭ заҳәоз, – иҳит, – ақәҷарақәагьы аашәан, –
иҳит, икәыркәыруа рҿаныларха, акәҷарқәа хымшҟа ракәын ихы
ҵыишьҭеи, арҭ, – иҳит, – амшцәгьа, акырцх алаган, уара аҵыџьа
унаҵатәеит, – иҳит. – Рыззынтәык аанҵәы ицеит, – иҳит. — Абарҭ,
абас иуышьҭоуп, – иҳит. – Аныи аҟәарҭ шьны иамыукзи, уеидара
акәац уыман, – иҳит. — Уа иугәаламшәаӡои, иугәалашәама?
Нас исгәалашәеит. Рызынтәык ԥсит. Убра аҵыџь сыҵатәан,
сызрыхәаԥшуоз акырцх лалаган, рызынтәык аанҵәы ицеит. Саргьы сҿаасхан, убра сз’ааиуоз, а, ҳазшаз игәамԥхазаап, амш ддыдт,
агьи, џьа слықәшьқьраан, уажәыгь исгәалашәот, арахәыцаҟра аасыгхт, убра, абахәра, ҩахьхьынтә сықәҵәраа сылҭалон. Акырцхгьы хәҷык илеит, агьит, хьҵәыран, ажәцәеимаақәа сышьан, абахә
акаҵәара саҿан, амнахь, аҭыԥахь, схәнот ҳа саҿын.
–Арҭ аӡарқәа закәу удыро? – иҳан.
– Аа – сҳит!
– Аӡарқәа, – иҳит, – аџьма уеихсын, – иҳит. — Исгәалашәт, аџь
мақәа срыц’ын ашьха, ак избозар, агьаҳа. Сызҩеиоз аԥслаҳәқәа
аҿан. Акы сызшьо, ак збасымшьри, сҳан, сахылҭагылаҵәҟьаз,
иааигәан, сҿаныҩсха џьмак аарылҵын, иааиын, уа дара ахгҿаз
каҵәараны иыҟан, ҟьаҟьараны иыҟан, аа, афацақәа гылан, агьин,
ҿаҳаран, иҩҩн, аџьма неины иҩылатәеит.
Абрыи Ажәеиԥшьаа сеисхәызаарын исиҭан, сахыҟаз иааит,
амни сеистәын, убо, аллах, сиыкәхшоуп, агьыи, сҳан, убыс аас
гәахәт. Ашьшьаҳа слыбаан, сеихсратәы аԥхьа саннеи, ахыгьы
збон сҳәаратәы. Ахьара иаҿызаарын, аха исзымдырӡет. Ахәда
ахьыҩкылҳәҳәаз иарбаны сеихст. Санеихс’ иҩыҵаххан иҩагылт,
измыҩӡыт, а, ахы аахт, еиҭагәыдсҵт, нас уа илкаҳаит. Санлеи, аӡ’с
ахы аакылҳәҳәахьан, ашьапқәа, агьи, аԥслаҳә. Ахьара изаҿызгьы
здырт, исгәамԥхт, «ҳаит, ҽа хәҷык саагылар, ихьар, аӡарқәагьы
скуан, аӡархәҷқәа, зымгози», агьи, сҳәыит. Иаасцәымыӷхт, аха,
нас, ихьозу, иалздрааи. Аныс наҟ анаҩсахьантәи излыҵыз аԥслаҳә
рыцқьан амгәа аасырҟьан, ацәа, агьи, ианаасырҟьа, аӡарқәа рыҩ
багьы, ҩ-црык аӷран, аӡарқәа ааӷрысхын, алда абахә исыршәын,
ацәа, агьи, алда иласҭт, акәац сыман сыхәнет, иагӡамызт.
– Арҭ, арыи ахьара изаҿыз аԥслаҳә ушьит, – иҳит, – абарҭ аӡарқәа,
абас иҩуа иуышьҭоп! – иҳит, убри азы, – иҳит.
Сгьежьын аҭыԥ аҟны санлеи – ацәа, ацәа иҭаҵаны изааумгеи, –
рҳан.
– Уара ацәа иабаазгоз, – сҳит, – нас, алаба аҵхны, агьы, акәац
аазгыт. Ацәа абас, ахьара иаҿын, ацәагьы касыжьт, аӡарқәа ҩбагьы.
– Ҳаит, анаасаны, – рҳит, – Аҽа хәҷык, ахьаха ауҭар, – рҳит, –
аӡарқәа кны иаауымгози, – рҳит, – аӡарқәа кны иҳамамзауози, аџь
мақәа ирыцаҳҵон, – рҳит.
– Ихьуазу иалздрааи, ахьара иаҿызу, – сҳит.
– Уыи, амни, иашамкәа иушьит! – иҳит. – Арыи аҵыӷ, абарҭ
зыузыҵҟьо удыро, – иҳан, –
– Ммо!
– Аҵыӷ, – иҳит, – ацәқәа укын, аказармақәа ахгылаз, – иҳит, –
алақәа, – иҳит, – ихәыҵырцылан, – иҳит, – уаа иппып ҳа ргәы иҭан,
– иҳан, – аԥацәа ихьап ҳакәын. Ашьцҳәа уҳан, иауркын, – иҳит, –
адырҩаҽны уаннеи, – иҳит...
– Ишәаҳаны, агьины, сцет. Алақәа ихәыҵырц’ылан, уаа ишәа
ҳаны иҟасҵет. Аашьышь, дара аџьқәреи анаалагьы, аашьышь аԥ
хасҭа ҟарҵалон. Аџьқәреи афот исшьып, сҳан, адырҩаҽны санҩеи,
ашьцҳәы, агьы, икны, аҭел, агьи, санҩаха, хәархәараҳа икны иаман.
Иааҭызган, аигәышә рхха ахы саасын, ахы ааҷаҷны, ацәы бзыиан.
Исҵыӷыз зымбеи, аха ахәы иԥхасҭамхаӡацызт, иауҭаратә иҟан.
Росҭовынтә аӡә даауон, аҵыӷцәақәа исҭалуон. Ес-сысқәс аҩынтәхә
сауон. Абарҭ аҵыӷцәақәа ирылакны изгап, сҳан, иаасшьын, ацәа
аахыхны, рыҩбагь лҭаҵаны иҟасҵит. Амгәа аасырҟьан, абрыи
аҵыӷ заҟариуа збап, сҳан. Исыздырӡомызт заҟа риуа. Амгәа анаасырт, аҵыӷхәҷқәа ҩба аӷран. Ацәа аахысхын, агьин, сызтәаз, аа, саб
рыцҳагьы дҩеит.
– Уара, ари аҵыӷ абаҟаз? – иҳит.
– Аҵыӷ иацы абра алақәа иҭарцалан, ишуо ианалага слеин, аашьышьзаап, искып, сҳан, ашьцҳәы сҳан, аҩны снеип, сҳан,
аҩнааигәан. Аҵыӷ ацәа анаахысх, – сҳит, – заҟа ариуа гәасҭап ҳа —

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Амифи аритуали - 17
- Büleklär
- Амифи аритуали - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3580Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3626Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3670Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3629Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3610Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3600Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3603Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3565Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3578Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3672Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3649Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3599Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3028Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.