LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Амифи аритуали - 14
Süzlärneñ gomumi sanı 3672
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
рӡуан. Урҭгьы арбаӷь зныз асаара инанырҵон.
Дныҳәон аныҳәаҩ. Уи аҭаацәара зегьы иреиҳабыз ахаҵа иа
кәын. Изнапык аҿы иааникылон арбаӷьи амгьалқәеи зныз асаан.
Егьи инапаҿы аԥырӷы жжаӡа изныз «акыц» аанкыланы, маӡала,
убри аамҭазы аҩны иҟоу дрымбаратәы, иҽӡаны, дындәылҵуан.
Иныԥхьакны игылаз ҵлак амҵа даагылон. Иџьыба иҭаз ацәа
ҽыҭ маҷк аамхны аԥырӷы инақәиԥсон, афҩы хааӡа ианаагалак,
аныҳәара дналагон. Дныҳәон абас:
«Џьиқер-Салаҭ аҳ ду! Уара ауаатәыҩса ихшыҩ напхгара азҭо,
улашара сықәырԥха, хшыҩдарыла, мхәыцрада акыр ҟасҵозар
сацәыхьча, зегьы срықәшаҳаҭны, срышьашәаланы анхашьа сыр
ҵа!»3. Абас дныҳәаны данаалгалак, кәтыжь ҿаҵаки мгьал ҿаҵаки
«уара иухәуп» ҳәа наҳәаны, аԥырӷы инылаиршәуеит. Иаанхаз
афатәқәа иманы аҩныҟа дыҩналоит. Зегьы агьама дирбоит. Усҟан
илакыҵа ччо, длахҿыхӡа дыҟазар ауп, мамзар аҭаацәа, дара ирҭааз
асасцәа уи афатә алакьысра азин рымаӡам.
Алитература
1. Зыхәба С.Л. Аԥсуа мифологиа. Аҟәа, 2012, ад. 303-304.
2. Введенский А. Религиозные верования абхазцев//СКГ вып. V. Тифлис, 1871, с. 11-12.
3. Зыхәба С.Л. Иарбоу аусумҭа. Ад. 303.
Аџь
Аџь – иԥшьоу ҵлоуп.
Аԥсуаа абиԥарақәа зегьы зхьыԥшыз Аџьҵлақәа рыман. Аны
ҳәарақәа акыр аџь амҵан имҩаԥыргон. Иҟан џь-ҵлак амацара амҵан ианныҳәоз, аха еиӷьуп ҳәа иԥхьаӡан уа аџьра ыҟазар.
«Шаҟа аџьра рацәаны еилагылоу аҟара, уныҳәаҿа амчра иацлоит»,
рҳәон. Урҭ аџьқәа рылакьысра, рхырффара, рхырҿҿара, рыхҵәара
ҟалаӡомызт.
Аԥсуаа рныҳәарҭа ҭыԥқәа алырхуан аџьрақәа рымҵан.
Аџь амчра дуӡӡа змоу ҵланы иахәаԥшуеит аԥсуаа. Аҩсҭаацәа,
аџьнышцәа шәаны ааигәа инеиӡом, рҳәоит. Зны-зынла урҭ аџь
«абӷьы аилачыра рҽаладырӡырц» инеины иалатәоит, аха усҟан
рымчра зегьы рцәыӡуеит. Убри азы акәын аԥсуаа рыхцәхәыцқәа
иамырхуаз, рнаԥхыц, ршьаԥхыц ихдырссоз, аҩсҭаацәа рацәыхь
чаразы аџь аҵаҟа иганы изыржуаз, анышә изарҭоз. «Аџь урҭ аҩсҭаа
игар ауӡом» ҳәа иԥхьаӡан1.
Аӷацәа зышьҭаланы инеиуа ахаҵа днеины аџь дамҵагылар,
иаӷацәа уа ихьӡаргьы, илакьысӡомызт. Аҳ ихаҭагьы азин имаӡа
мызт, уа иаҵагылоу мчыла иаҵганы ргара, рҭакра. «Аџь дахьчоит», – рҳәон2. Аԥсуаа аибашьра ианцоз ари аҵла ԥшьа иакәшаны
игылон, рҟамақәа ыршәны иаларҵон. Нас иакәшо «ахаҵарашәа»
рҳәон. Аҵыхәтәаны аҵаҟа акрырфон, еибаныҳәон. Гәдоута араион
иатәу Блабырхәа ақыҭаҿы игылоуп, зықәцәаны аиха хәымпалқәа
алоу аџьҵлақәа3.
Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара зықәшәаз аԥсуа хылҵшьҭрақәа излар
гәалашәо ала, «Адыд мацәыс аныҟоу Аџьажәԥҳа илымҵаныҳәон
бзиала, машәырда иалылгарц азы»4. Аџь амҵа аҟьашьра, «аӡкаҭәара»
ҟаломызт4. Уи инадҳәаланы аџь аҵаҟа имҩаԥыргон ажәытә қьабз
«Ҵачхәры» ҳәа изышьҭаз. Уи зызкыз убри акәын: Ауаҩы, ахәыҷы,
аду игәаамыгӡаӡакәа днеины, ҵлакы амҵан дтәаны аӡы кеиҭәар
алшон. Ус ҟазҵаз «Ҵачхәры-ныха иԥырхагахон» иеиқәа ирбааӡон.
Убри аҟнытә аҭамзаара, ахҿыхра азы ари ақьабз маԥыргон.
Ианымҩаԥыргоз, ишымҩаԥыргоз. Амшаԥы мза аҵыхәтәан
тәи аԥшьаша аҽны аџьҵла аҵаҟа Ҵачхәры-ныха ҳәа аныҳәара
мҩаԥыргон. Уахь инеиуан аныха зԥырхагахаз ҳәа ирыԥхьаӡоз аҭаа
цәара хәыҷгьы-дугьы. Аныха иара аԥҟара еилазгаз иԥсы еиҩаӡо
иалагон. Иԥсы аиқәырхаразы аныҳәара мҩаԥгатәын аџь амҵан.
Изымҵаныҳәоз аџь агәараанда аҩныҵҟа игылазар акәын.
Иадыргалоз. Иалахәыз рыцыԥхьаӡа ашьыжь шаанӡа игыланы акәакәаркәа рӡуан, убас амгьалқәа. Ашьакаҭәара ҟалаӡомызт.
Аџь аҵаҟа инеины, зегьы ршьамхқәа арсны иаагылон. Аҭаацәара
аиҳабы акәакәарқәеи амгьалқәеи зныз асаан аанкыланы «Аҵач
хәры ду! Злыԥха ҳаура Ҭаргьелаз!» иахь аҳәара ҟаиҵоит «зегьы ир
зымдыркәа иҟарҵаз иаҭеимҵарц» азы, иара убас «идырны ирым
хаҟаҵаз азгьы».
Аџь амҵан иныҳәаз, ма иаҵсуаз ацахақәа рыла ирҩычон, аца
хақәа кылҵәаны амахә иахьындырҳалон, амахә аҵкарқәа рҿы
ацәашьқәа адыркуан акы иҳахәап ҳәа6.
Аџь аҵаҟа ианқәозгьы ыҟан. Ахара здырҵаз «ишысхарам» ҳәа
аџь амҵан днеины дықәуан. Уи нахыс ихы ирыцқьеит, ишихарамыз ааирԥшит ҳәа агәра харҵон7.
Аџь амчра амоуп ҳәа ишырԥхьаӡоз атәы аҳәоит аԥсуаа рыҭә
ҳәақәа рҿы ирацәаны ахархәара ахьамоугьы. Аҭәҳәақәа ртекстқәа
рҿы аџь алагалоуп иара алаԥш амчра ду иамоу азгәаҭаразы,
аиҿырԥшразы: «Аџь-ҟата амахә зырҩаз–алаԥш», «Аџьажә ахы
хзырҩҩааз», «Џьыжә зражәыз – лаԥшы ҭәҳәа», «Џьыжә хзырффаз
– лаԥшы ҭәҳәа»8.
Алитература
1. Начкебиа С.М. Лексика народной медицины в абхазском языке. Сухум, 2013. с. 15.
2. Чернышев К. Тифлис. 6-го октября, 1854. «Газ. Кавказ», 1854, №62,83//
Абхазия и Абхазы в Российской периодике. Т.1. Сухум, 2005, с. 174.
3. Чурсин Г.Ф. Материалы по этнографии Абхазии. Сухум, 1956, с. 51.
4. Илҳәамҭоуп Ҭхәазԥҳа Нонна. Илаҳаит Инегль ақыҭан. Ҭырқәтәыла.
Ианылҵеит Ц. Габниа. Аҟәа. 2016 ш. азы.
5. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1960, с. 44-45.
6. Илҳәамҭоуп Шамба Минака. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
нанҳәамза 27, 1980 ш. азы.
7. Иҳәамҭоуп Чкотуа Дикран. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
хәажәкырамза 10, 1994 ш. азы.
8. 7. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. Актәи атом. Еиқәир
шәеит, акьыԥхь иазирхиеит, аԥхьажәеи азгәаҭақәеи иҩит афилологиатә
ҭҵаарадыррақәа ркандидат В. А. Кәагәаниа. Аҟәа, 2008, ад. 167,172,180.
аҳ ә а м ҭа қ ә а
1. Ацгәы иақәтәаз аҭакәажә
Ари ҭаарыхыуп, мама, ҭаарыхыуп, аргама иҟалаз акы ауп.
Иҟалеит иара Арыҩҭа ақыҭаҿы. Дыҟан, дынхон убра ҭакәажәык,
ацгәы иақәтәаз. Уи ус дыҟоуп ҳа акрырдыроо анҭ лгәылацәа. Урҭ
ҩыџьа аишьцәа ыҟан, аҭакәажәыи дареи еигәылацәан, дара ԥҳәыс
дрымамызт. Шьха ицон, ишәарыцон, ркәац ахақәа ирықәҵаны
идырҩон, ашә ус ирыман, ахш-хырҵәы рыгмызт. Аха иалабхи,
еиԥыломызт дара, ркәац аакныӡӡааны ицон, рышә акәзар убас,
уама иақәшәан иҟан, аԥхасҭа ӷәӷәаны ироуон.
Ас иахьа, ус уаҵәы, уаҳа аҵыхә ԥымҵәеит.
Нас аишьцәа леицәажәан: «Уара ари уаманы ҳақәшәит, ҟазшьак
ҟаҳамҵар, ас ҳазнымхит», – рҳәит.
Иалабхи, илеицәажәан, шәандыҟәра дуӡӡак рыман, ашәқәа
ҭарҵон, акәацқәа ҭарҵон. Уажәы ршәақьқәа ааиҵарҵан, акәац
қәагьы ашәқәагьы, ашәандыҟәра дуун иара, ашәандыҟәра илҭар
ҵан, ахҩа аартны иаанрыжьт. Аӡәы ацәырдӷәы аҵҟа дыхәхәаӡа
дыҵает, егьи ааҵра дтәет, ишәақь иманы, егьины.
Ус истәаз хәлеит. Хабар ыҟаӡам. Абри закәи ҳа ихәыцо исыҟаз,
аҟыԥҳа, иаакылҟьеит ацгәы. Ацгәы аакылсын ифҩы-ифиуа иааҩ
налт, иахырга абом. Адыхҳа ацәырдӷәы инықәԥалан, ашәандыҟә
ра абет.
Аҵаҟа иҵаиаз иҽазыҟаиҵеит, ашәандыҟәра инҭалар сҩагылан,
искып ҳа. Ацгәы адыхҳа ашәандыҟәра инҭаԥалт, иаргьы дҩаҵҟьан
аӷьеҩҳа ашәандыҟәра ахы лаиркыит: «Уааи, уааи, абааԥс, Анцәа
иҳаиҭт!», – иҳәит.
Арахь ашәақьқәагьы ркыуп. Иаргьы ахҩа хьанҭан, иҩахан иҩ
дәылырган, агәарԥ агәҭаны инарган иладыргылт. Лабаӡа дыук
ааникылт, «исшьыр ацкьыс исхәахәап», иҳәит. Длахагылт: «Ашь
шьыҳәа уара ахы ҵраа, сара сасот», иҳәит. Ианааирт, ацгәы адыхҳәа
ианыҩҭыԥа, алақәа цыр-цыруа, аҟәақҳәа даасын, азлак ҭихит.
Иҩныҳәҳәан арҵәҵәаа рго, арҵәаа иҳәҳәо ицет. Ани дара ари ахцагьы рдыро иҟома, ани рҭакәажә лакәс иҟада.
Ус уаҩ дкылхха дааит: «Абаа аҩны шәыҟоу, аҭакәажә дыԥсот
абааԥс, дыԥсот, арҵәаа дыҳәҳәо даҳзеиқәком» ҳа.
Иалаҳхи, еибарыҩны ицеит. Ианнеи, аҭакәажә лызлак ҭыҵны
лыӡӷы иақәжьуп, дшьаӡабааха. Нас, иҟалази, рҳәан иналхагылт:
«Сыԥсот абаа, сыԥсот», лҳәит. Ашьҭахь ус дсыҟаз, дыԥсо даналага
дааиқәыркт.
Иалаԥхи, абас ддамыӷаха даацәырҵт. Уинахыс ркәацгьы аҭыԥ
аҿы иҟалыит, рышәгьы ҟалыит. Уаҳа ԥхасҭа рмоуит. Абри лакәны
акәмызт аргама иҟалаз ауп. Сан дызлазгьы, дызԥнызгьы иахаанны
иалацәажәон. Дара Ҭаӷса-лԥацәа ракәын.
2. Ацгәы иақәтәаз аҭакәажә
Ари ажәабыжь ҭаарыхыуп, аргама иыҟалаз акы ауп иара. Ауаа
зегьы еицырдыруа хҭысуп. Сан рыцҳа, иахааныз сара срыхьӡеит
лҳәон, урҭ рҿынтә ауп ларгьы иызлаҳаз. Иҟалеит Арыҩҭа ақыҭан.
Иыҟан ҩыџьа аишьцәа. Аха иалабхи, рыҩны ԥҳәыс дыҩнамызт.
Дара шьханыҟәара рыгмызт. Аха арахь еиԥыл рымамызт. Ркәац
ахақәа ирықәҵаны идырҩон, ахш-хырҵәы усгьы ирыгмызт. Ԥыла
рымамызт арахь акәымзар. Изыхҟьозгьы, ркәац аакныӡӡааны
ицон, рышә акәзар гәырӡ, шашәарӡ иыӡон. Уама иақәшәаны
абас иыҟан. Ас иахьа, ас уаҵәы. Аԥхасҭа ӷәӷәаны ирауан. Аҵыхәа
ԥымҵәеит. Ргәы аныԥҵәаӡа иааицәажәеит, «уара дабанӡа ҳхыччо
аабап», рҳәан илеицәажәан абас ҟарҵеит: Шәандыҟәра дыуӡӡак
рыман, иаарган уадак аҿы иладыргылт. Ахҩа аадыртит. Ашә рҩеи,
акәац рҩеи лҭарҵан, дара ршәақьқәа ааиҵаҵаны аӡәы ацәырдӷәы
аҵаҟа дыхәхәаӡа дыҵаиеит, егьи ааҵра дтәеит.
Ус истәаз хәлеит, арахь џьара ԥбакгьы рбом. Уаҳа нагарҭа
амамкәа ргәы ҿыӷьӡаны ишыҟаз мкәа, аҟыԥҳәа цгәажә дыуӡӡак
ыԥан аԥенџьыр иаақәԥалеит. Ифҩыс-фҩысо уа иааҩналт, ани
ахырга абом. Адыхҳа ацәырдӷәы инықәԥалт. Ашәындыҟәрагьы
абеит.
Ацәырдӷәы аҵаҟа иыҵаиаз зегьы ибоит усгьы, ашәындыҟәра
иынҭаԥалар ахҩа ахызҩап ҳәа игәы иҭоп. Ус иаргьы ашәындыҟәра
инҭаԥалт. Иаргьы уи акәымзи дыззыԥшыз, аӷьеҩҳа ашәындыҟәра
ахҩа лаиыркыит. «Уааи, уааи, абаа, Анцәа иҳаиҭит» ҳа иашьа иышҟа
дыҳәҳәеит. Уигьы дыҩны дааит. Ршәақьқәагьы мазеины иыркыуп. Иаргьы ахҩагьы хьынҭын, иыҩахан иыҩдәылыргеит. Агәарԥ
агәаны илаганы иыладаргылт. Лабаӡа дыук ааникылт рыуаӡәы,
исшьыр аҵкьыс иысхәахәап иҳәыит. Ахы ывҵрааны иааҟарҵт. Ус
адыхҳа иыҩҭыԥеит ани ацгәажә, алақәа цыр-цыро. Аҟәақҳәа ахы
даасын азлак ааҭихыит. Иыҩныҳәҳәан, арҵәаа ахга ицеит, аха иахца ҳа акррдыро.
Ус маҷӡак ааҵхьаны, ауаҩы дааит дкылххы. «Абаа, аҩны шәыҟоу,
Шәакәа (ргәыла аҭакәажә лоуп) арҵәаа дыҳәҳәо цәгьала дыҟоуп,
даҳзеиқәком», иҳәеит.
Иалаԥхи, еибарыҩны ицеит. Ианне, ргәыла аҭакәажә лызлак ҭыҵны лыӡӷы иақәжьуп, дшьаӡабааха. «Ибыхьзеи, нан-дыу»
рҳәан, инылхагылт. «Сыԥсот, абаа, сыԥсот», лҳәыит. Аишьцәа
иыҟалаз ауырзымдырхуаз, аха иыуҳәои. Ус дсыҟаз, дыԥсо далагт,
дааиқәыркт.
Уинахыс, аишьцәа рышәгьы ыҟан, ркәацгьы аҭыԥ аҿы иыҟан.
Абас аргама иҟалеит. Дара аишьцәа Ҭаӷса лԥацәа ракәын. Лара
аҭакәажә дзыусҭаз «ԥхашьароуп» лҳәан, сан исалымҳәеит.
3. Ақәыџьма иақәтәоу
Ӡӷабк дгәаҟуа дышьҭан. Шьшьымҭанла дҷыгәӡа дыҟан. Уахынла,
ахәымҽхан, ианааилашәшәоз деицәахон. Ес-сыуаха агәылацәа еизаны дырҷаԥшьон ныс!
Гәыла ҷкәынак лбаантәы дшааоз, амҩан ақәыџьма аӡә дақәтәан,
иидыруаз аӡәы, иҩивҟьеит, «Ари закәи?» иҳәан дҩашьҭалт иахцоз. Ус аҩны ианазааигәаха, иаагәылшәан, икаканхт. Иҟәымпылуа
аҿынанахт. Ишнеиуаз аҩны иныҩналан, усгьы аӡәгьы ибаӡом,
аӡӷаб лааигәара инеит. Ианнеи аӡӷаб дҟаауа дхагахоит, ахәымҽхан
акәымзи.
Ари аҷкәын, изакәу збоит иҳәан, адырҩауыха, ахәымҽхан,
еҭрегь дааин ашәхымс дылатәеит иаҳәа кны.
Дшыԥшоз акәымкәаны, акакан акәара-кәараҳа аҿаанахит. Агә
ҭы ахазеиҟараз дасит, иааиҟәиршәеит иара. Аӡӷабгьы дзыҟаз еиԥш
дааҟалеит.
4. Ақәыџьма иақәтәоу
Дҟымҟымуа дыцәан. «Қсы! Қсы! Қсы! Исызкы!» ҳәа дахыцәоу
иҳәон, иҳәас издыруамызт.
Ақәыџьма ушьыр иаргьы дыԥсон. Иԥсы ақәтәан. Иуыууа инеи
ԥылон, иара дҩақәтәон. «Қсы!» ҳәа иманы агәарԥқәа дырҭалон.
Абна агәҭаҿы днеины дуыуон. Нас дҩақәтәан дхысхысуа днеиуан. Ҽынла ишәон, ицәырҵӡомызт. Ари ауаҩ иқәыџьма аныршь
рацәак нимҵӡыит.
5.Ақәыџьма иақәтәоу
Ари дгызмалын, ақәыџьма дақәтәан, имышьҭгьы цәгьан.
Атәым кәац зфоз иакәын. Ақәыџьма рбызшәа идыруан, дрыԥхьон.
Акы акәын изаауаз. Акы акәын иафоз, агәи-агәаҵәеи ааҭыхны
иканажьуан, иара ихаҭа дақәтәан. Абри дызбаз, ма иара еихсыз
имч иара ишҟа ииасуан. Ақәыџьма, ма ирхәыр, ма иршьыр иара
дычмазаҩхон, хара инамгакәа дыԥсон.
Иара аҵхагәҭаны дцон, арахә ракәын ԥырхага ззыруаз. «Атәым
кәац хаауп!» иҳәон. Ауаа дырдырон, аха дырзаҿакомызт. Аԥсуа
ҵасла иҵхашьон, егьырҳәомызт.
6. АҚӘЫЏЬМА ИАҚӘТӘОУ
Ақәыџьма иақәтәоу ыҟоуп. Ақәыџьма даԥхьон иара. Аԥхасҭа
ҟарҵон. Ақәыџьма ахы, шамахамзар, иақәшәаӡомызт. Иара ԥсыр
иаргьы ибысҭафара ыӡон. Дтәомызт. Иара днақәтәан дцон.
7. АБГА ДАҚӘТӘАҴӘҞЬАН...
Ԥсардиа Мшәады «абга дақәтәан» рҳәон.
Уахык иҟалеит алашра ӷәӷәаны нхаҩык иҿы. Ддәылцт ишәақь
аашьҭыхны. Ирахә абга рылаланы иҟан. Абга иақәкны дхысуеит.
Ианааша игәыла Аԥсардиа дыхәны дышьҭан.
Иара иқәрахь днеихьан, дахьца-дахьаа уаҩы имбо дыбжьаӡоит.
Дааит мыш ҩажәа рышьҭахь.
Данааи, аҳабла даналала, ала ааисны дыркит. Абгақәа рыфҩы
ихкааны. Иара игны, дгәаҟны, дыччиаха дыҟан, хара дзымнеит,
иԥсҭазаара далҵоит.
«Ҳаӷоу иашҭа дҭалааит, абга дақәтәоуп» рҳәон. Иҷкәынра зегьы
ус ихигеит Маршьан Таташь иҩнра.
8. АШӘУА ИИАҴӘА
Уи зырҳәо абри азоуп. Диҭаазаап зны ашәуа ԥсыуак. Аԥсуа даалаган ихәы ҟаиҵеит, иԥхь ҟаиҵеит, аха ашәуа ауыха «саангылом,
сцароуп», иҳәыит.
«Ашарԥазы угыланы, амҩа уқәлап, уажәы ухы нықәҵа, уԥсы
ааиҭоукып», – рҳәан дрымшьҭит.
Бымбои, арахь ҵхагәҭа инеихьан, арахь ӡынран, ахьҭа бааԥсын.
Шьхала мацара дцар акәын, ахьҭа илаларгьы ҟалон. Автобус, амҩа,
абаҟаз усҟан.
Иырыулакгьы ддыриеит. Аха игәы ҭынчыз џьыбшьоу, уажәыуажәы ажәҩан даҵаԥшуазаарын. Ус иаҵәак ааигәаӡаны, иххаӡа,
ибеит, «аа, абар, ашарԥыеҵәа ахгылаз, шьҭа шоит, сдәықәлап»,
иҳәан дгылт. Аҭаацәа зегьы ицгылт: «Уара уаагыл, ашара акрагыуп», рҳәыит, аха имуыкәа ддәықәылт.
Дцот, дцот, аха ишом. Уи акәым, иара аеҵәагьы еиҳагьы
икәеикәеиуа икыдуп.
Ашәуа гәаҟгьы ахьҭа дакын дшәит, дҵааит.
Иаџьал уа иалан, рыцҳа, бымбои! Ашарԥы Еҵәа акәу џьашьа
дацгылан иԥсра аанагеит. Уи нахысгьы иара убри аецәа «Ашәуа
Ииаҵәа» ҳәа хьӡыс иаиуит.
Иара уажәгьы ауаа анажьо ыҟоуп. Абри Ашарԥы Еҵәа иахгылало аҭыԥ аҿы иаргьы иҩаҵхахоит.
Абас ауп, дад, уи аҭаарых сыҟоу.
9. [ АШЫЕҴӘИ АХӘЫРԤЫЕҴӘИ ЗЫХҞЬАЗ ]
Ҩыџьа аишьцәа ыҟан. Шәарыцара ицеит. Аиҳабы абахә даҿахан,
аиҵбы дизаҿымгеит. Ҵҟа дааин диҵатәеит амца еиқәҵаны. Уаантә
ҿиҭоит: «Уҷкәынцәа ҟызаааӡра иазыскп, уԥҳәыс ԥҳәысс даасхәот!»
Ари зегьы зиҳәо дсырцәарым ҳәа ауп.
Ашьшьымҭан анааша ииулак ахақәа арсуо дылбааигеит. Аха
егьи хәыҷык еилкаарақәа уадаҩшәа дыҟан.
Аҩныҟа идәықәылт.
Хыԥсҭа ӷьны иҟан, қыдқәак ықән. Аиҵбы аԥхьа дгылан,
дигәҭасны аӡы далаижьт.
– Уашьа дабаҟоу? – рҳәит аҩны.
– Иашьас исымоу аиҳа! – иҳәан зегьы иҳәит.
«Сыршап, уаанза дсырхәыцп, игәы ԥызжәап!» – акәын уи ииҳәоз
иаҵанакоз! – лҳәеит иԥҳәыс.
Аԥҟеҩҳәа иуапа ааишәиҵит. Дцет Хыԥсҭа!
– Уара ушырԥыеҵәазаат! Сара схәырԥыеҵәазаат! – иҳәан, ихы
иаагәыдҵан иҽишьит.
10. ЕЦӘЫШҬ
Абра Аҷандареи Ԥсҳәыи рыбжьара иҟоуп дәҳәыԥшӡарак, иахьӡуп
Еҵәышҭа ҳәа. Ирҳәоит, убра ашҭа иааҭалон ҳәа лассы-лассы иаҵәак
Еҵәыш ҳәа. Лара еиҳараӡак дрышьҭан ашәарыцацәеи ахьшьцәеи,
иаалгәаԥхаз дынрылԥаа дылгон, илгозгьы – ахаҵа, ԥҳәыс дызмоу.
Урҭ баны даангылозма! Ҟазшьас илымазгьы урҭ реилыхра акәын.
Ахаҵа, иаразнак, арҩашьыга илҭазшәа, иԥҳәыс дааиҵыхны дылгон, ус илҟазшьан. Нас даҽаӡә данылбалак уи даашьҭхы дылгахон.
Абас аӡәаӡәала ахацәа лнацәы иахалыргьежьон.
Убри аиаҵә убраҟа иахьҭаалоз азы Еҵәышҭа ҳәа иахьыӡхеит.
Иара аиаҵә ахаҭа ахьыҟоу, сымҩашьозар, насгьы иубахьоу сакәым,
сажәыит, ахыхь бааԥс лассы-лассы ҭыԥ снаҭом, ак заҵәык издыруа,
Амрагьы ааигәара ишыҟоу.
Исаҳахьеит Аԥсны хаҵеи-ԥҳәыси реилыҵра зыхҟьо Еҵәышҭ
лоуп ҳәа.
11. [ ЗАҞА ЕҴӘА ЫҞОУ АҞАРА АУААГЬЫ ЫҞОУП ]
Адыҩниа заҟа уаа ықәыу аҟра Ажәҩан еҵәа кыдуп. Ауаҩԥсы даниуо, Еҵәакгьы жжаӡа Ажәҩан иҩкыдлоит. Ауаҩԥсы данԥсуа, иԥсы
анихыҵо аамҭазы ииаҵәахә кыдшәоит. Ишәымбахьеи, уахынла
ажәҩан еҵәак лалшәан икәлаауо изҭалало. Убри азы ауп, избаз,
«сыиаҵәахә кыдуп! Сыиаҵәахә кыдуп!» зырҳәо.
12. АМРА АТЫҨ ИАКУЕИТ
Ҽынла уахынла аиԥш еиқәылашьца аныхәло Амра Атыҩ иакуеит. Атыҩ иафон иаанмыжькәа, аха ауаа аҟәҟәаҳәа ихысуа ианалагалак, зқьы хы рҟнытә акы уа иҩеиоит. Убри ала ицәоу аанарԥшоит.
Ала ашра ианалагалак Атыҩ шәот, Амра аунашьҭоит. Адгьылгьы
аашоит.
13. АдыдРА зыхҟьо
Ианыдыдуа, дад, Анцәа Аҩсҭаа дишьҭоуп ауп, аҟәҟәа дхысуа.
Ажәҩан аҿы изеишьҭоу, Аҩсҭаа адгьыл ашҟа дылбааот, Аҩсҭаа
дыҩо-дыҩо аҽыҵәахра дашьҭоуп. Уи Анцәа дижьот ҳа далагот. Зны
аҵла давагылоит, усҟан Адыд уи аҵла иаахот. Зных ажә, ма ацә.
Усҟынгьы Анцәа данхыслак урҭ ираахот.
Аҩсҭаа уа даангылаӡом. Дыҩо дзааиуо ауаҩы дааиԥыхьашәар,
афақьаҳәа днеины дивагылоит. Убри азы, исаамацәыслак, «Анцәа
улԥха ҳаҭ» уҳәар ауп. Анцәа иӡбахә Аҩсҭаа исааиаҳалак, ихы даасуо, дцот. Ауаҩгьы Адыд исӡом. Анцәагьы Аҩсҭаа дынишьҭалот. Ус
узымҳәар, Аҩсҭаа дзыдгыло ауаҩы Адыд дашьоит.
Абас ауп, дад, Адыд зыхҟьо ҳа издыро. Зегь зыхҟьо Аҩысҭаа
иоуп. Аҩсҭааҵәҟьагьы, бымбоо, Анцәа дуӡӡа деиканоит.
14. АЦӘАҞӘ
Ацәаҟә аԥсы ҭоуп. «Аӡы иҭоу» ҳәа изнықәо убри Ацәаҟәа азоуп.
Алымҳа дуны иҟоуп, аҩны аведраҿы иааины акылкылҳа аведра
илҭагылан иажәт. Алақәа амоуп, аҿы амоуп, ахаҿы аӡы иҭанакуеит,
убри азы иубаӡом.
Избаз ирҳәон хәыҷык ауаҩԥс иԥшра амоуп ҳәа. Аҩны иааины
аӡы ахьажәыз азыҳәа «иҳасасын» рҳәоит.
15. АЦӘАҞӘА
[«Аӡы иҭоу» ҳәа иҟарҵо аныҳәара зыхҟьаз]
Гәымбаа, (Дәрыԥшь – ажәабжьҳәаҩ) аԥсуаа зегь реиԥш, анкьа
«Аӡы иҭоу» ҳәа аӡаҿы ицаны иныҳәон.
Ҽнак Ацәаҟәа анхыла, Гәымбаа рҭацак, аҩны дахьыҩназ, абар
ҵантә бжьык лаҳаит. Ашә анаалырт – Ацәаҟәа алымҳақәа џар
џаруа, абарҵаҿы игылаз аныга ахы лҭакны, ҟылтҟылтҳәа, аӡы
шажәуаз лбеит.
Убри аахыс Гәымбаа «Аӡы иҭоу» ҳәа аҩны ауп иахьыҟарҵо,
иахьныҳәо «Ацәаҟәа ҳҭааит!» ҳәа.
16. ЕСХЬАР АМШҚӘА ЗЫХҞЬАЗ
Ахьча ирахә иманы ашьха даҿан. Март шьҭа ицоит, иқәҵраны
иҟоуп. «Ааит, иубама, Март егьыузыҟамҵт, са сыуиааит. Шьҭа
хымш роуп иҟоу!» – иҳәет ахьча.
Март аагәаан апрель иаҳәот «хымш сыҭа» ҳәан, апрель ианаҭеит.
Абри афымыш, хымш Март ықәҵра шагыу, даҽа хымш апрель
мшқәа. Фымыш амш цәгьа ҟалеит, ақәа, аԥша, асы, зегь леит.
Ахьча дықәхеит ирахәи иареи адәахьы дзымцо. Афатә рымаӡам,
ирымам, ас иқәхеит, амш ҟамлеит.
Даалаган ацгәы наганы аҳаҭа иҭаиртәан, ирахә ахьааз инаган
икнеиҳаит.
Ацгәы хыхь иахҭакыз имбӷьаҭуаз, арахә рхы раҳан уи иша
хәаԥшоз фымш рхыргеит. Абас ахьча даиааит гызмалрыла, ахьҭа
даиааит.
17. АКЬУТҚӘА ЗЫХҞЬАЗ
Акьутқәа адунеи рықәлара зыхҟьаз ҳа сан Минака илҳәоны абри
аҩыза ажәабжь саҳахьан.
Иҟан хаҵакыи ԥҳәыскыи цәгьалаҵәҟа патыу еиқәызҵоз. Аха
аԥсҭазаара ангәымбалџьбароу рацәами, дызҿаӡаз иԥҳәыс дыԥсит.
Илҭынхеит ҩыџьа ахшаара. Ихәыҷқәоуп зынӡаск. Раб дгәырҩеит,
дџьабеит, аха иҟаиҵахои?! Арахь ахәыҷқәа батәуп. Ахаҵа итәы
акала иҟоуп. Уи аԥҳәыс лыдара хара дызнеиӡом. Ахәыҷқәа ракәым
ихы изымбар ҟалап. Аԥҳәыс деибахаргьы ахәыҷқәа рааӡашьа аиҳа
дақәшәоит, аиҳа деиҿкаауп, аиҳа лычҳара дууп. Изхысҳәаауа, абни
аԥҳәыс хазына иԥсыз, лхаҵа даараӡа игәы далан, аха даҽаӡәы дааимгар амуит.
Иааигаз хсак, леишәацәгьак лакәхеит. Ихәҷыҷқәа лыц икылылхон, анахь илырыҩон, арахь илырыҩон, ржьы лфон раб ианыимбоз.
Ус, ҽнак, ԥсрак ашҟа дцет. Данцоз, ллаба аалырҟымҟымын,
«ажәқәеи аҳәарақәеи шәцәеиҵамлааит, мамзар Аԥсны шәалсцот»
лҳәан дмақарны дцеит.
Аха ахәыҷқәа хәыҷқәами, исыхәмароз хәлеит. Ажәқәа анааи
рҳәарқәа аанда илкылсын илҭакәкәа ицеит ранацәа ирыцны. «Аа,
аҳәарқәа» рҳәан алада иҩыит, аҩада иҩыит, аха иааг, иубар иаахә.
Амца ркыит, абар ранԥса дааит, «ҳау, ҳалшьӡоит, папагьы аҩны
дыҟаӡам» ҳа ргәы ааԥшаан, еибарҵәыуо илатәеит. Истәаз ларгьы
дааит, дынрыхәаԥшаанӡа ак шыҟалаз лцәа иалашәт, амца лыла
иҩхҟьеит. Аӡӷаб деиҵбын, лыжәҩхыр нҭалырсын даалырблаҟьеит
«имгылаша, иззымҳаша, иззымҵаша, иҟашәцеи, шәеибарҵәыуо
шәызтәозеи?»
«Аҳәарқәа ҳцәцеит, ранацәа ирыцны. Арахь хәло иалагеит,
ҳшәан ҳазрышьҭамлеит» – рҳәыит рылаӷырӡ рыҿкәкәа.
«Ҳаи, адунеи шәаныӡӡааит! Сыла шәахамбара гәылшьап шәа
гааит, шәан лшьапаҿы шәыбаҩ ҟалааит, лаӷырӡы ыҟанаҵы лаӷырӡы
шәыгымхааит!» — лҳәан дшәииԥшьиио илԥҟеит, илшьит. «Анцәа
шәсиҭеит иахьа, шәабгьы уаха дааӡом. Шәара ажәқәеи аҳәарқәеи
ԥшааны иаашәымгакәа аҩныҟа шәнасышьҭӡом! — лҳәан рымахцә
ианкны аанда шша инахлырԥан алашьцара иалалҵеит.
Ахәыҷы рыцҳақәа ишәаԥырҳаԥо, еибарҵәыуо алашьцара иналалт, аха иабацо. Ахәыҷқәа ҳа зынӡа асабицәа, дыхсан акәымзар
убри аҩыза агәнаҳа згәаӷьода. Абнара иазааигәахо ианалага зынӡа
ргәы нҭыԥсааӡеит, рнап хәыҷқәа ааибадыркын еидҟәыҟәланы
џьара инатәеит, аха аҟәара еиҵасот алашьцара иахалаԥшо. Арахь
аҩныҟа неишьа рымаӡам, даара игәаҟт. Ашәара рызхымго ианалага Анцәа иыҳәеит «ҳаԥсаатәны ҳҟаҵа, хрыцҳауп, уаҳа ҳзычҳаӡом»
ҳа. Ражәа аҳәара иаалымгацкәа иҵысхан иԥыруо ажәҩан иҩалалт.
Икьутхеит дара. Иахьагьы рыбжьы гот урҭ. Игәашәҭалеи аԥхынра
уахыла урҭ ссеиқәҿырҭо лада-ҩадеи. «Иубама» игот ладантәи руакы абжьы, «иубама» ҩадатә аҩыза ҿнаҭот. Абас акьутқәа адунеи
ианылеит, нан! Раныларагьы арыцҳара иахҟьеит. Иҟамло егьыҟам
ҳдунеи аҿы, аха ауаҩгьы дышуаҩыу ихамшҭыр ауп. Асаби дшысабиыз ззымдырыз Анцәа игәамԥхакәа иишаз лоуп, уаҳа дарбан.
18. АКӘУА ЗЫХҞЬАЗ
Акәуа зыхҟьаз убри ауп. Акәты лшьит аԥҳәыс, аԥшәма ԥҳәыс
акәты шьны илыман. Ус, ишьны ишлымаз акәмкәаны, иӡны егьины, ишьҭыхны ишлымаз, лашьа ашҭа дааҭалеит. Лашьа данылба,
иаашьҭылхын лыкәты аҟыԥҳәа асаара иныҵахылҩеит... Лашьа
заҵәы иакәын, данааи ус хыхьмыхьк аацәырылган крааиҿалҵан,
лашьа днықәлан дцеит.
Ашьҭахь днеин лсаара данааҩаха, лыкәты кәуаханы аҿынана
хеит. Убринахыс абри хьӡыс иарҭеит, лашьа заҵәы иҿалымҵаз
кәуаханы ицеит ҳәа.
Асаан ахҩан иара акәуа ладагьы-ҩадагьы. Иара уахәаԥшыргьы
иубоит. Аԥшра зыхҟьаз убри ауп.
19. АҞӘЫРҬЛАХ
Аҟәырҭлах. Ааи, аӡә дҟәырҭлаххеит ҳа иӡбахә рҳәон. Чкәакә
Џьыгрыц иакәын иара. Дыԥсит, аха иԥсы аҭыԥахь изымцаӡет,
иҟаиҵахьаз сыздыром, уахь Нырцәҟа дрыдрымкылаӡет. Дҟәырҭ
лаӷха адәы даақәхет.
Аԥшқа дахьыҟоу, маӡала днеины, даагархны ацәардаӷә аҵҟа
дхәыҵаиршәон. Иан дуазыруа, лгәы дахо, дысишьҭоу, дааҵылгон.
Абас ихаҭаҵәҟьа дырбомызт, аха ицәаарақәа рбон. Иҳақәшәи
ра дҟәырҭлаххааит. Иҽеим дсыҟоу дыҟоуп, ианаахәлалак нахыс
аҭаацәа даарылалон.
Убас Хьач-иԥакгьы дхәырҭлаӷхеит, иыԥсы ҭынчымхеит. Ауаа
уахыла рыҩны дныҩналон. Ахәаӷьӷьа иыхга ачанахқәа еилеиҵон,
ахырҵәы астол иқәгылазар, длагәҭасны икеиҭәон.
Уажәы хәаџьа дыҟам, аха усҟан дыҟамзи. «Уардынк азна амҿы
анышәынҭра агәы илықәҵаны, агаз ҩақәҭәаны ишәыблы», – иҳәит.
Иҟарҵеит. Уинахыс уаҳа дрымбит. Уаҳа ԥсыхәа аимут, иҟоуҵои,
дуызком, дуызшьом.
20. АҞӘЫРҬЛАӶ
Гәынба хәыҷык дыԥсын, хәбаҟа рҿы дтәан. Дыԥсит. Ашкол ахь
данцоз иҩызцәа дахьырзыԥшлоз ахҵысҭаҿы игага ықәгыланы
ирбо иалагеит. Иҩызцәа ирбон. Ианааилак раԥхьа дынкаԥон.
Ахәыҷқәа шәаны ашкол ахь ацара иаҟәыҵт. Ианҵаа, ахәыҷы изхара аԥсҭазаара ибахьазма, рыцҳа, «дҟәырҭлаӷхт», рҳәит. «Иԥсы
рҭынчтәуп, рҳәит. Иаб рыцҳа игага иақәырԥшны дхыст. Уаҳа дагьырымбеит.
21. АЖӘА МОФА ЗЫХҞЬАЗ
(Ашәа «Радеда»)
Очамчыра дыҟан аҳак. Аԥҳа бзиа диман. Илышьҭалаз ауаа
рацәахет, нхыҵ ҟабардаа идыркны. Иқыҭа ауаа еизигеит, иҟаз
реиҳәеит.
«Сыԥҳа илышьҭалаз рацәахеит, aӷa дсырҳар сҭахым», – иҳәит.
Бзыԥынтәгьы иҩеит. Аиҳабацәа аус рыӡбон, ирыӡбит: Аҽырхә
марра ҟаҳҵап, еиҳа аиааира згаз диаҳҭап.
Усҟан Еснаҭи Синаҭи Абганбақәа Бзыԥ нырцә инхон. Аимҭахара
аныҟарҵоз аамҭазы ҽыҳәҵәыла еихәмарт, еимҵакьачеит, лмацәаз
кнаҳаны еихст.
Синаҭ аиааирақәа иман даауан. Амацәаз злакнаҳаз ԥҵәаны
иара икамыршәкәа икит.
Аҳгьы иҭабуп ахиҳәааит. Ҟабардаа гәааит: «Абри ҳа дызбаҳиааи,
ҳқәылап!» – рҳәан игьежьит. Игьежьын, аҳ иԥҳа дицәыргт.
Ҟабардаа ас иандәықәла, Бзыԥ уаҩ длет.
Синаҭ дрыхьӡан рымҩа икит, дгьыл ҭшәарак аҿы:
– Шәзымцеит, шәаангыл!
Дара қыҭак ыҟан, ицәшәомызт, ирымуит.
Зегь нирҵәеит, уаҩ днимыжьт.
– Ушәаџьҳәаҩуп! – иҳәан аӡәк даанижьт.
Лара даашьҭихын ддәықәылт. Кыр инеихьан дӷьаҵәыӷьаҵәит:
«Скасы нхыт, маҵәкы иаҿашәит!»
Лҟәых нхар ҟаломызт, лҟәых ицәынхар хаҵара иатәымызт.
Дгьежьны ддәықәлет.
Ани ашәаџьҳәаҩыс инижьыз дкылԥшо дтәан, длаеихсын дихәит.
Иҽҿаҳәаны лаб иҿы дааигит. Иapa аҩныҟа длет. Иԥсрагьы убри
акәын. Иашьа дааит. Игәы иалст. Дызгарыз ахы иқәшәаны дыҟан.
Аҳ иарҳәеит умаҳә дыԥсит ҳәа. Аҳ аҽеиқәыршәара дшаҿыз аҭаца
лҽылшьит.
Еснаҭ дцот аҳ иҿы: «Са дсыҭ, дысҭацоуп, еивасҵоит!» – иҳәит.
Аҳ длазхәыцт, ауаагьы «диҭ» рҳәит. Дииҭт. «Бара Мофа, иҟаб
ҵази?», – рҳәон аҳәса.
Еснаҭ ачара зует иҳәит. Аҭаца даазгар исымуази иҳәит.
Агәаҟра иахырҟьаны ачара иуит. Иҳақәшәира ичарахә. «Дида,
Мофа», – шырҳәоз Радеда ахь ицет.
22. РАДЕДА « МОФА »
Аԥсны ҳак дыҟан. Диман ԥҳак. Аԥсны ҷкәынс иҟаз зегь аҳ иԥҳа
илышьҭан, аха дриҭомызт. Ауаа ирылеиҳәеит, «сыԥҳа зегь реиҳа
зҽы зырхәмарыз, зегь реиҳа икәашаз, аҽы ырхәмарны, амацәаз
аҵӷа ԥызҵәаз сыԥҳа дисҭоит», иҳәит аҳ.
Ауаа еизеит, иахьа иаҿын, хәымш иаҿын, жәохә мшы иаҿын,
аха уаҳа аӡәгьы ирзыҟамҵеит. Ашәынхыҵынтә иааит фҩык. Ирдыруаз аӡәы иҿы инеит. Уи дыԥсхьан. Аха иԥҳәыс аиба дыҟан,
аҷкәынгьы длыман. «Саб дыԥсхьеит, аха ҳа ҳаҟами. Ара шәыҟаз!»,
– иҳәеит. Уа рҽазыҟарҵон. Ицеит. Ҽнак ихәмарт, ҩымш, аха аӡәгьы
изыҟамҵеит. «Быҷкәын дҳаҭ!» – рҳәеит. «Дшәымаз!» – лҳәит.
Длықәгылан аҽы ирхәмарт, ирхәмарын даналга амацәаз аҵӷа
ԥиҵәеит. «Аҳ маҳә дуоут, ачара ууыроуп!» – рҳәит. Аҳ ачара иуит.
Аҷкәын иҩныҟа дцеит, ачара иуит. Аҷкәын иҩныҟа дцеит, ачара
аҽазыҟаҵаразы. Аҵхыбжьон Ашәынхыҵтәи иааз иааԥхаршьан,
аҳ илиқәлан даахәны, иԥҳа дааихыганы дыргеит. «Ас уԥҳәыс дыргит!» – рҳан, аҷкәын адырра ирҭеит. «Ус шԥаасыхьуаз», иҳәан иҽы
кәадырны, абџьар аашьҭыхны ддәықәлеит. Ашьха дрыхьӡеит.
«Ижәго доушәышьҭ!» – иҳәеит хынтә. «Мамоу! Дауҳашьҭӡом!» –
рҳәеит. Хынтә ианиҳәа ианырыму, «шәаԥхьа иҟоу ахаҳә шкәакәа
шәахәаԥшла!», – иҳәан даихсын, иԥыххаа иҭеиҵеит. Дырҩагьых
хынтә иҳәеит, аха ируом. «Шәыԥшла, аԥхьа игылоу шәихәаԥш!» –
иҳәан дааин дааеихсын, дишьит. Рыфҩыкгьы шьны илкаижьт. Днеин иԥҳәыс даашьҭихын дандәықәла, ихәны ишьҭаз аӡәы дааеихсын, иҷапан иҭашәеит. Дылҽыжәлан еихсыз дишьит, акалам азна
ашьа ааҟаиҵан аҳ иҿы днеит, ихҭырԥала ихәра ааҿеиҳәан. Аԥхьа
ла днеишьҭит, нас иара днеит. «Абас, абас иҟасҵаз» иҳәан акалам
аазна ашьа ииржәит. Аҩныҟа дцеит. Ихҭырԥа анааԥирты дыԥсит.
«Аҳ умаҳә дыԥсит!» – ҳәа аниарҳәоз, ихахаӡа иаацәырҵыз иԥҳа
лгәы ԥжәаны дыԥсит. Даарган иара диваржит. Данааргоз «Радеда «Мофа» рҳәон иӷызуа. Абри ауп изыхҟьаз Радеда «Мофа». Лара
Мофа лыхьӡын.
23. РАИДА, РАШЬА, РАРИРА ЗЫХҞЬАЗ
Анарҭи Аиргьи бзиа еибабон, еицныҟәалон. Аиргь ран Рарира
лыхьӡын. Усҟан ауаса уаҳа уаҩы имамызт. Абри Рарира илымаз ауаса рылоуп ауаа ауаса зланырҵоз.
Рарира луаса Анарҭ рыхьча Кьаҭауан дрыцын. Уи зны-зынла
шәарацара дцалон.
Зны, Кьаҭауан шәарацара дцеит, «абри аҽны саауеит» хәа аҿҳәара
ҟаҵаны. Шәарацара дахьцаз амаҭ ицҳан, аԥсра далагеит, аҿҳәара
иҟаиҵаз хыԥеит, дгәаҟуеит, дуазыруеит, аха дзеиҭаҵӡам, дчит. Ус
дышгәаҟуаз илацә нҭааит, иара ӡык ахықәан дтәан. Кьаҭауан илацә
анынҭаа, ԥхыӡла ус иаҳаит:
«Уанаџьалбеит, Кьаҭауан, уара моу, ари аӡы ауахәақәа агәгәаҳәа
иагоитеи, уахәак лалажьны улақәтәар уамгои!» ҳәа.
Қьаҭауан ацәа даалҟьан, афырҳәа даақәтәеит. «Иагьауиашам
исаҳаз» иҳәан, ииулак, уахәак аӡы иалажьны, иишьыз ашәарахжьы
ауахәа илақәыжьны, ишьапы амаҭ зацҳаз аӡы илалакны ауахәа
длақәтәан, аӡы ацарҭа иҽлеиҭан, даманы идәықәлеит
Қьаҭуан аҽҳәара иҟаиҵаз азы данзымаа, «ари ак ихьт» рҳәан
ауаа ишьҭалеит.
Қьаҭуан ауахәа дақәтәан дахьцоз, иҩны давнагар ҳәа дшәан, ибжьы дирҳаразы ус ибжьы иргон:
– Уаа Рарира! Уаа Раида! Уаа Рашьа! – ҳәа.
Рарира зыхьӡыз Аиргь ран лакәын. Раидеи Рашьеи уи лԥацәа
рыхьыӡқәа ракәын.
Ус Кьаҭауан ибжьы pro дышлеиуаз, Аиргь данынрывала, ибжьы
раҳан, аӡаҿы иллыбаан, аӡы дамырхит.
Қьаҭауан ишьапы амаҭ ахьацҳаз, быӷьқәак нақәҵо далдыргеит.
Убринахыс ауп «Уаа Рашьа, Раида, Рарира» ҳәа иашәаны иан
гәарла, иаԥызҵазгьы Аиргьаа роуп.
24. АЗАР ЗЫХҞЬАЗ
Анарҭи Аиргьи бзиа еибабон, еицныҟәон. Анарҭ раҳәшьа Гәында
лыхьӡын, Аиргь раҳәшьа Ханиа лыхьӡын.
Анарҭи Аиргьи ныҟәара ианцало, аҳәсахәыҷқәа џьара иаан
рыжьуан.
Ус зны, Аиргьи Нарҭааи ныҟәара ианцоз, ишыруц аиԥш, Гәын
деи Ханиеи џьарак еицаангылеит.
Хәама ҳәа арԥыск дыҟан. Уи Ханиа длышьҭан, ԥҳәысс дигарзы.
Хәама Ханиа дахьыҟаз ангәеиҭа, лашьцәагьы шыҟамыз анидыр,
уаа шәҩык иманы длықәлеит, дымҵарсны дигаразы.
Хәама ибжьы наирган ус иҳәеит: – Ханиа, сааит, бсыцныҟәароуп,
бҽыбмырххан! – ҳәа.
Ханиа, лыбжьы аалырган, ус лҳәеит: – Ижәуазеи уара, шәаан
гыл! Шәарҭ аҩны шәқәылеит, амҩан шәқәымлеит, ус шәара ишы
шәҳәаҵәҟьо изыҟаларым, шәгәы иаанагозеи!» – ҳәа.
Аха Хәама иҽирыцәгьеит, «аброужәыҵәҟьа бсыцымцар ҟа
лом» ҳәа.
Уи ашьҭахь Ханиа Гәында ус лалҳәеит:
– Арҭ ишырҳәаҵәҟьо ҳаҽҳазрыҭом, ҳрабашьроуп, аха бара бым
шәакәа шьхәла беибашьы, сара бгыӡыр лабала сеибашьып, – ҳәа.
Ханиа ишылҳәаз аиԥш, Гәында арҵәааҳәа дыҳәҳәан, бжьы
цәгьак ҭлырҟьеит.
– Ҳаи, схы ҭышәҟьеит, шьҭа арахь шәдәылҵ! – иҳәеит Хәама.
Хәама анс аниҳәа, Ханиеи Гәындеи ҩдәылҵит, аха yaӷoy иибашала.
Гәында шьхәала деибашьуа даарылалеит. Ханиа лыбгыӡыр лабала уаа шәҩык иҟаз, жәохәҩык рыда егьырҭ зегьы лшьит. Ажәохә
ҩык иаанхаз ҿарҳәеит.
Арҭ ас ишеилаз, Қьаҭауан дрықәшәеит. Қьаҭауан данрықәшәа,
Сасрыҟәа адырра ииҭеит, «иҟалаз абас ауп», ҳәа.
Қьаҭауан иҟақәаз аниба, иҽы ирхәмарыр иҭаххан, аха имыхә
марит. Қьаҭауан иҽы Зар ахьӡын. Зар анымхәмар, ианамуӡа, Қьа
ҭауан ус иҳәеит:
– Зар, ухәмар, аҳамҭа усҭоит! – ҳәа. Нас Зар аақәгылан, даара
ибзиаӡаны ихәмарит.
Зар анс ибзианы ианыхәмар, Қьаҭауан ус иҳәеит:
– Иахьанахыс Гәында лышьхәа ушьхәазааит, лыбжьы ухазааит! – ҳәа. Ари ҳамҭас Қьаҭауан Зар иеиҭеит. Убриныхыс ауп аҽы

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Амифи аритуали - 15
- Büleklär
- Амифи аритуали - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3580Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3626Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3670Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3629Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3610Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3600Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3603Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3565Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3578Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3672Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3649Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3599Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3028Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.