LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Амифи аритуали - 13
Süzlärneñ gomumi sanı 3578
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Иавагылаз аҵла азҵааит: «Узырқьуазеи!» – ҳәа. «Сыҩныҵҟа хьыла
иҭәуп, исзышьҭыхуам!» – аҳәеит ашәҵла. Ашәарыцаҩ илабала ашә
данас, ахьы лҭыҩҩит3 .
Амифқәа изларҳәо ала, ашәҵла ашәарыцаҩцәа бзиақәа ирыцхраауеит. Абас зны шәарыцаҩ бзиак иҷкәын абна дылахан,
иқәлашьцеит. Ашәҵла Ажәеиԥшьаа иахь сасра иахьцоз даманы ицоит. Уа рыгәҭа далатәаны акрифеит, акрижәит. Ианаауаз
Ажәеиԥшьаа, «ари арԥыс уихылаԥш, дырманшәал» ҳәа иабжьеигеит. Ашьыжьымҭан аҷкәын аҩныҟа дандәықәла, ашәҵла «ушнеиуа ашәҵла аҵаҟа адомбеи убоит, уи уара иутәуп»4 ҳәа ианаҳәоит.
Аҷкәын адомбеи ишьуеит, уинахыс дшәарыцаҩ бзианы дҟалоит.
Ашәҵла уԥылоит «Нарҭаа репос» аҿгьы. Нарҭаа ран СаҭанеиГәашьа лдырдӷәы злыху ашәҵла ауп: «Лышьхәала днагәҭасын,
Саҭанеи-Гәашьа, шә-ҟьантаз дук лыҵлырҟәҿын Саҭанеи-Гәашьа,
Дардӷәыс иааҟалҵеит Саҭанеи-Гәашьа»5 .
Ашьхымза рынцәахәы Анана-Гәында лтәарҭа ҭыԥқәа «Нанлтәарҭа» ҳәа иашьҭоуп. Аҟәа араион иатәу ашьха қыҭақәа руакы «Цхала-Шәбаара» ахьӡуп. Шәбаара ҳәа азырҳәоит ашәҵлақәа
рацәаны иахьрызҳауа аҭыԥ. «Цхала-Шәбаара» цхала иҭәу ашә
ҵлақәа ахьрызҳауа, иахьыҟоу ҳәа ауп иаанаго. Ари ақыҭа «хҟьан
цхала иҭәыз ашәҵлақәа рыла»6. Ашәҵла агәаҩарақәа иаиуаз
рыҟны ашьха ҭаланы рыҭрақәа ҟарҵон, уа нас ацха амҵәаӡомызт.
Аԥсуаа ашәҵла иҟалараны иҟоу адыруеит ҳәа ирыԥхьаӡон. «Ашә
цәажәоит. Ауаа ҟәышқәа азыӡырҩышьа рдыруан. Ацәажәашьала
амш зеиԥшрахо азгәарҭон, аибашьра ҟалараны иҟазар еилыр
каауан»7 .
Ашәҵла амчра ду амоуп, насгьы иамоу амчра ацәгьа аԥырҟә
ҟәаара алшоит ҳәа азырԥхьаӡон. Убри аҟнытә аҭәҳәақәа реила
заараҿы рхы иадырхәон:
…Ашәы нхыҵ шәы-шәкы гылоуп,
Ашәы аахыҵ шәы-шәкы гылоуп,
Урҭ рыбжьара,
Абжь-мшынк инархысҭәҳәалт8 .
Алитература
1. Акаба Л.Х. Исторические корни архаических ритуалов абхазов. Сухуми, 1984, с. 37.
2. Адзинба И.Е. Архитектурные памятники Абхазии. Сухуми, 1958, с. 92
3. Бгажба Х.С. Бзыбский диалект абхазского языка. Сухум, 2006, с. 418-419.
4. Абхазские сказки. Сухуми, 1959, с. 22-26.
5. Нарҭ Сасрыҟәеи ԥшьынҩажәи зежәҩык иара иашьцәеи. Еиқәдыр
шәеит: Инал-иԥа Ш. Д., Шьаҟрыл К. С., Шьынқәба Б. В. Аҟәа, 1962, ад. 20.
6. Аджинджал И.А. Из этнографии Абхазии. Сухуми, 1969, с. 279.
7. Илҳәамҭоуп Шамы Минака. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
22.08.1979 ш. азы.
8. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. I атом. Еиқәиршәеит, аԥ
хьажәеи азгәаҭақәеи иҩит В. А. Кәаӷәаниа. Аҟәа, 2008, ад. 178.
Ҳаиуа-ҳаиуа
Ҳаиуа-ҳаиуа – иԥсыз иԥсхәара ду уаҵәы акәзар уаха ахәылԥ
азы
еиԥш аҭынхацәа аԥсаҭатә рыманы ашҭа ианааҭалалак ирҳәоз аритуал ашәа ауп.
Ашәа «Ҳаиуа-ҳаиуа» «аԥсхәарашәа» ҳәагьы иашьҭоуп, иара убас
ауаҩы изы «агимн- ашәа»1 ҳәагьы.
Ашәа анырҳәоз.
Аԥсхәара уаҵәы ауыха акәзар уаха, амш ахәлара аҽаназнакуа
аамҭазы, зышықәс ҵыз иуацәа, иҭынхацәа аԥсаҭатәқәа рыманы иаауан. Аԥсаҭатә аазго аҭынха гәакьацәа ракәын. Урҭ ирыцын
ҩыџьа ацхырааҩцәа, ма хҩык атәымуаа – агәылацәа, ма рҩызцәа
рыҟнытә.
Аԥсаҭатә рыманы аԥсхәара зуа ргәараҭа ианазааигәахалак, «ҳнеир
ҟалома?» ҳәа рыбжьы дыргоит. «Шәлеи!» – рҳәоит рыбжьы заҳаз.
Убасҟан аԥсаҭатә аазгаз, иара ахы ианкны ашҭа иҭаргалон.
Аԥсаҭатә ахы инаркны аҵыхәанӡа ирԥшӡаны ирхиан. Абӷа иқә
дыршәуан еилаарцыруа иҟаз ақәыршә. Наҟ-ааҟ инхыршәҭ-аахыр
шәҭны абӷа иқәырҵон ахьанаԥ. Ахьанаԥ «ахьеи, аҳаи, аҵәеи, ахаа
мыхаақәеи» рыла ирыԥхны еибырҭон. Ацәшьтәа атәыҩақәа рҿы
цәашьык, цәашьык ххаӡа иадырҷабланы иадыркуан. Ацә аԥхьа,
иара убас ашьҭахь игылан, рцәашьқәа аркны аԥсаҭатә аазгоз,
аҭынхацәа ирыцыз, ацхырааҩцәа. Аԥсаҭатә ашҭа ианааҭаргалак,
хынтә иқәдыргьежьуан. Убасҟан иқәдыргьежьыцыԥхьаӡа, хынтә
ирҳәон «Ҳаиуа-ҳаиуа» захьӡыз ашәа2. Ари ашәа «иалукааратәы
иҟаз алахьеиқәҵаратә ашәақәа иреиуан». Аԥсхәараҿы аԥсаҭатә
аазгоз зегьы абри ашәа ҳәо акәын рыԥсаҭатә ашҭа ишҭаргалоз.
Ашәа аҳәашьа, атекст.
Ашәа зҳәоз аԥсаҭатә аазгаз аҭынхацәа ракәын, амала «ҳаиуаҳаиуа» анырҳәоз, ирыцыз ацхырааҩцәагьы ирыцдырӷзуан.
«Ҳаиуа-ҳаиуа, ҳаиуа-ҳаиуа» ҳәа хынтә рыбжьы рдуны ианыр
ҳәалак ашьҭахь, зыԥсхәы рураны иҟоу ихьӡ нҭкааны, ауаа ира
ҳаратәы ирҳәон. Алада иацырҵон, «абри (ихьӡ ҳәаны) уаҩ бзиан,
ҳаиуа-ҳаиуа, ҳаиуа-ҳаиуа. Абри (еиҭа ихьӡ ҳәаны) уаҵәы иԥсхәы
руеит, ҳаиуа-ҳаиуа, ҳаиуа-ҳаиуа. Ҳаргьы ҳаиҭааит, ҳаиуа-ҳаиуа,
ҳаиуа-ҳаиуа!»3.
Ари аԥсреи аԥсхәареи ирыцу аритуал ашәала иаадырԥшуан
зыԥсхәы руаз иахь ирымоу агәбылра, агәадура, агәхьаагара. Ашәа
ахаҭа акыр ижәытәу ашәоуп. Иахьа Аԥсны аҩныҵаҟа инханы иҟоуп
иԥсыз иҭынха гәакьа ашықәсцәымза аан аԥсаҭатә наганы иԥсыз
иԥсы иаҭара аритуал. Аха аԥсаҭатә аннаргоз иацырҳәоз ашәа
џьарагьы иуԥылаӡом, ауаа ргәалашәараҿы иаанхеит акәымзар.
Алитература
1. Хашба М.М. К изучению траурных песен абхазов // Ардыррақәа. Известия. VII. Қарҭ- Тбилиси, 1978, с. 159.
2. Джанашиа С.Н. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1960, с. 86.
3. Иҳәамҭоуп Џьапуа Шьаликәа. Ианылҵеит Ц. Габниа. Ҷлоу ақ., 26.08.
1982 ш. азы.
Азар ашәа
Азар ашәа1 – гәыԥҩык аҽцәа аҽыбӷаҟаза дахьыԥсыз, насгьы
аҽырыҩрақәа рыҟынгьы ирҳәо ашәоуп. Рҳәашьақәа ирымоуп
ирацәамзаргьы аивыгарақәа.
Азар ашәа ахьӡ ахьынтәаауа атәы зҳәо ҳәа аԥсуа жәлар ирымоуп аҿаԥыцтә ҳәамҭақәа. Руак абас иҟоуп: Ахышба ҷкәынак
Сиа захьӡыз ӡӷаб ԥшӡак бзиа дибеит. Уи нарҭаа дуқәа драҳәшьан,
Гәында–ԥшӡа длыуан.
Ахышба ауаа лниҵеит, аха лара мап лкит. Арԥыс дымҵарсны
дызгап ҳәа иӡбоит.
Зны, лашьцәа дуқәа аныҟамыз иақәыршәаны, шәҩык иҩызцәа
иманы, ҽыла, абаажә иақәларц рыӡбоит. Аха абаажә аҟны ианааи,
шәҩык аҽцәа ҭыԥҳак лымацара аҩны даныҟоу, инеины лықәлара
ахаҵа итәым рҳәан рҽааныркылт.
Акыраамҭа иԥшын, аха лашьцәа мааит. Аиҩызцәа леилацәа
жәан ирыӡбоит иара Сиа ихаҭа днеины, игәы иҭоу зегьы аартны
илеиҳәааит ҳәа. Мап лкыр, «дымҵарсны даҳгап» ҳәагьы нацыр
ҵоит. Ахышба дақәшаҳаҭхоит. Иҽы Зар захьӡыз ҵлак ашьапы
инадҿаҳәаланы, агәараанда днахыԥан дынҭалоит. Аҭыԥҳа ашыц
лаба кны, дымраха дааидгылт. Сиа ицәаныррақәа ртәы аартны
илеиҳәеит, мап лкыр, дымҵарсны дигарц шилшо атәгьы нацҵаны.
«Сара абаажә иакәыршаны шәҩык аҽцәа сымоуп, мап бкыргьы,
бымҵаҳарсуеит!», – ихәеит иара. «Шәҩык ӡӷабк шәылзымиааир,
даара иԥхашьароуп шәара шәзы. Аха уара узы зегьы раасҭа
иԥхашьароуп аӡӷаб бзиа улбарц азы шәҩык аҩызцәа рыцхыраара уахьаҳәаз. Ухаҵазар, уааи ҳаиқәԥап! Уаиааир – уара сутәуп,
уаҵахар – ухала аҩныҟа уцоит».
Абригьы аалҳәит, ллаба рҳәҳәо Сиа дисит. Арԥыс иԥсы ааилшә
шәан дкаҳаит. Ашьҭыбжь цәгьақәа заҳаз лан даадәылҵит. Ауаа
рацәа анылба днықәгылан дыҳәҳәеит лыҷкәынцәа рыхьыӡқәа
еиқәыԥхьаӡо: – Уаа, Раада, Раида, Рашьа! Шәыҩны агәырҩа ааит,
шәҳацхраа!– ҳәа.
Ахышба иҩызцәа даашьҭырхын ибналарц идәықәлеит. Аха
иҽы Зар ааигәа инанашьҭуам. Уи цәгьарак шыҟалаз ацәа ианырын
акьыркьырра иалагеит, аҽыҩ иԥо, аӡәгьы инапаҿы имааиуа, зынӡа
аҽарыцәгьеит. Абжьы згәы иқәыҩыз Ахышба иблақәа аахитын,
«Зар, Зар!» ҳәа ашәак аацәыригеит. Иҩызцәагьы иааицдырӷызит.
Ахьӡ аԥшәма ианиҳәа аҽы аҽааиқәнакит. Аӷәра ааныркылан, иара
днаганы днақәдыртәеит.
Абас иҟоуп «Азар ашәа» аҭоурых. Убри азы ауп ари ашәа «Аҽқәа
рашәа» ҳәагьы изашьҭоу. Азар ашәа рҳәоит аҽыбӷаҟазаҩ данԥслак
аҽцәа гәыԥҩык рҽеизганы, иара убас аныҳәақәа рҿы аҽырыҩрақәа
раан. Амала аԥсраан ишырҳәои аҽырыҩрақәа раан ишырҳәои
еиԥшӡам. Аныҳәақәа раан ашәа зҳәо руаӡәк аҽы акьыркьыршьа
ҟаҵо ирыцирӷызуеит
Алитература
1. Кортуа И.Е. Абхазские народные песни и музыкальные инструменты. Краткий очерк. 1958. Сухуми, 1958, с. 12-14.
Ҩахарныха
Ҩахарныха – ари Нанаа ирныхахәуп. «Нанаа наҟынтә иааз
роуп. Ҩаха-ҩымш амҩа иқәын, аха машәырда, ргәы бзиа, рхы бзиа
рҭыԥ аҿы итәеит. Убринахыс абарҭ амшқәа рзы иаҳхылаԥшхәыз
ихьӡала ҳәа аӡатә ықәдыргылеит, Иаҳхылаԥшыз ҳәагьы аныҳәара
иалагеит»1.
«Ҩахарныха» ҳәа иныҳәоит. Ҩахарныха ҳәа аныҳәара мҩа
ԥыргоит «ауаҩы дшеиԥшу еиԥш», шықәсык ахьтә знык, ма хы
шықәса рахьтә знык. Ажәла иатәу аҭаацәарақәа хаз-хазы, дара
анеиԥшу иныҳәоит. Дныҳәоит аҭаацәара еиҳабу ахаҵа. Изы
хныҳәо аӡатә аԥа ауп. Аӡатә аԥа аҵакра, аус арура ҟалаӡом. Ах
ныҳәара ҟалоит шықәсык анахыҵлак ашьҭахь, мамзаргьы ацкы
анилак. Аҽша иир, иалакьысӡом. Уи ан ахаҭыԥан ақәыргылара
ҟалоит аӡатә-ҳәыс. Ақәра ааины иԥсыр, иажәит ҳәа ишьны ацкы
ақәыргылара алшоит. Аӡатә ахаҭа аԥсахуеит иара иахылҵыз аҽша.
Аха аҽша ахылымҵыр, ӡатәс иара иатәым ықәургыларгьы ҟалоит.
Аӡатә анушьуагьы, аԥа анушьуагьы Ҩахарныха ҳәа уныҳәоит.
Аныҳәара амҩаԥгашьа. Аныҳәара мҩаԥыргоит ашәахьаҽны.
Ацәашьы акәӡам иадыркуа амзашша ауп. Амза амахә ашша
зқәиааны иҟоу ааганы ацәашьы ҳасабла ирбылуеит. Ачаҳаржә
ҟарҵоит. Агәаҵәа арасаҵәы иахаҵаны, ашьхаҟа ихы рханы аны
ҳәаҩ дныҳәоит: «Ҩахарныха улԥха ҳаҭ! Агәаҵәацқьа абра иудаагалоит, ҭаацәала зегьы абра ҳумҵагылоуп, машәыр хара наҟ
иаҳҟәыга, аманшәалара, агәабзиара ауп, уаҳа акгьы ҳаҳәом. Ҳабаҩ
ҳацәаашьом, аԥхӡы иҳахьшу ҳа ҳзы ихырҳаганы иҟаҵа!».
Аӡатә ақәыргылашьа. Аӡатә ԥсыр, ма машәырла иҭахар ацкы
ықәдыргылоит. Ҩахарныха мгәаарц азы ирласны уи аритуал
мҩаԥгатәуп. Аӡатә иахылҵыз аҽша зегьы раасҭа еиӷьуп ацкы ҳәа
алаԥсахра, аха иара иатәымгьы ҟалоит. Амшқәа зегьы рыҟнытә
иара иатәу Ашәахьа ауп. Шьыбжьоншьҭахь, аха «аҩашхарахь»
амш ахы архаанӡа. Дныҳәоит аԥшәма ахаҵа, данныҳәо Аӡатәразы
иқәиргыло арахә уа ивагылазароуп. Аныҳәара далагаанӡа ахаҿы
иӡәӡәоит, ахәда, напы иамкыц ампахьшьы шкәакәа цқьа акәир
шоит. Ачаҳаржәқәа ҟарҵоит ашә агәылаҵаны. Амзашшацәашьы
адыркуеит. Аӡатә дааханы, аныҳәара иҽаныназикуа аамҭазы, арӷьа
лымҳа абжа ирҟьоит ҳәызбала абас ҳәо: «Ҩахарныха рылԥха Анцәа
иҳаҭәашьа! Ушьапкрада хьаа Анцәа иҳаумҭан! Улԥха ҳаҭ ҳныхахә!
Улԥха ҳаҭ!».
Уи ашьҭахь аныҳәаҩ аӡатә ахәда иакәыршаз ампахьшьы аахыхны, «шьҭарнахыс ҳныхахә уатәуп» ҳәа ҳәаны наҟ иауишьҭуеит.
Ананбақәа аӡатә аныха иацырҟьоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, «Аӡатә
алԥха ҳамазааит!» ҳәа зырҳәо убри азы ауп.
Аԥсуаа ижәытәӡоу рмифологиатә хәыцра излаҳнарбо ала, урҭ
иԥшьоу, амчра ду змоу ракәны ирыдыркылон амшқәа, амзақәа,
аҵлақәа, ахаҳәқәа убас аԥсабара ахаҭагьы. Урҭ нцәахәык, ма ан
цәахәра зылшо ҳәа ирыхәаԥшуан, ирымҵаныҳәон, ирныҳәон,
иахныҳәон, ирыҳәон, ирашьапкуан.
Алитература
1. Иҳәамҭоуп Нанба Иура Владимир-иԥа. Ианылҵеит Ц. Габниа. Бармышь ақ., 20.05.2005 ш. азы.
Аҩмсаг //Аҳәымсаг
Аҩмсаг – амчра ҷыда змоу, ацәгьа аԥырҟәҟәаара зылшо, ам
шьҭа, алаԥш ацәгьара мчыдазтәуа, аԥсра хьамԥшуа иҟазҵо акәны
аԥсуаа ахәаԥшуеит.
Аҩмсаг аԥсуаа аџьықәреи ажәла аныларҵо иалаԥсаны иҟарҵоит,
мамзаргьы аџьықәреирҭаҿы хазы иалырдо арӷза иҭаԥсаны
иларҵоит. Ас еилыганы иларҵо иалагеижьҭеи рацәак ҵуам. Ус
аҟаҵара иалагеит аџьықәреи иаԥырхагахоит, аҩымсаггьы еиҳа
иазеиӷьуп ҳәа азыԥхьаӡаны.
Аҩмсаг аҩны, агәара аларыԥссоит. Ацқьаразы ихархәагоуп.
Аԥсуаа аҩмсаг аҿиара, аԥсҭазаара иашьагәыҭуп зҳәо аҿаԥыцтә
рҿиамҭақәа рымоуп. Очамчыра араион, Аҭара ақыҭан ианҵаз
аҳәамҭа излаҳәо ала, ҽнак зны ҿыц еибагаз хаҵаки ԥҳәыс ҿаки,
ԥхынгәы мшык азы, аҭакар анкаццеиуаз еицны џьара ицон.
Ианааԥса, шьашәырк иныҵатәеит. Ус ԥшак хааӡа иаасит. Даргьы
рыԥсы ааивыргеит. Аԥҳәыс ҿа лгәы иаахәан: «Оҳ, шьыр, шьыр,
ушԥа бзиоу, ушԥахаау», – лҳәеит. Ахаҵа иаҳаз игәы иныҵаххын,
«сара исеиӷьабшьаз дарбан?» – иҳәан, дналхыбаан, иԥҳәыс дишьит.
Ицеит акыраамҭа, ахаҵа иҟаиҵаз дахьхәит, дгәырҩон, иԥаҵа
аужьны дџьабон, лнышәынҭра дҭаианы дыцәон.
Ҽнак ԥҳәыс быргк диасны дышцоз, абри ахаҵа дгәалҭеит. Иҟалаз
анеилылкаа, аҩмсаг ажәла илҭан абас иалҳәеит: «Уԥҳәыс дахьжу аб
ри ажәла лгәы иқәыԥсаны илаҵа, ианаалак иалҵуа ала уара угәна
ҳагьы ушәоит, иухухуеит уԥҳәыс лҿаԥхьагьы, аҳәса зегьы рҿаԥхьа
гьы» ҳәа. Абри налҳәан, дынкаба дцеит. Иара ус егьыҟаиҵоит.
Аԥсуаа аҩмсаг пату ақәырҵоит, иаӷрагылаӡом, уаӷрагылар,
«уашәиуеит» ҳәа ирыԥхьаӡоит. Иахьышьҭоу иахысӡом, иахысны ицаз, дхәыҷызар изҳаӡом, изҳарц азы дааҳәны хынтә наҟ-ааҟ
дахыԥар ауп, ддузар дашәиуеит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ахы ларханы
икыддыргылаӡом, ус иаанужьыр, ахы ахьуеит, нас уи ахыхь икыдзыргылаз иахь ииасуеит рҳәоит.
«Аҩмсаг пату ақәуҵар, пату уқәнаҵоит». Арахә аҩмсаг ала уасыр, ишарылоит. Аишәа иқәушьыр, аҩны иамоу абрақьаҭра цоит.
Аҩны шуԥссо аӡәы ишьапы иахькьысыр, зшьапы иахькьысыз
дааҳәны хынтә даӷрагылароуп, мамзар ашьаҵа ҿыц изаамхәо,
иқәманшәаламхо далагоит.
Аҩмсаг амчра ҷыда амоуп ҳәагьы иахәаԥшуеит. Аԥшқа игара азы аҩмсаг хәыҷы рԥоит, агара агәабан иаҵарҵоит, мамзаргьы ахәы цахы ҟаԥшьыла иҭаԥахны иааҩнало ибла ахьақәшәаша
икнарҳауеит. Уи инамадангьы, ан ахәыҷы ихала даанылмыжьыр
ада ԥсыхәа аныҟам, џьара мчы цәгьак, ԥсы цәгьак, ԥсҿак ихамларц,
иԥырхагамхарц, ихьымԥшырц азы аҩмсаг ду наганы агара аҵа
ишьҭалҵоит. Аҩмсаг уи дахьчоит, «ихала дыҟаӡам» ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аҩмсаг рхы иадырхәоит аԥсра ахьыҟалаз аҩнаҭаҿгьы. Аԥсы
дыржырц азы дандәылыргалакгьы, зықәра неихьоу аԥҳәысцқьа, ма
зхаҵа дыԥсхьоу аԥҳәысеиба, мамзаргьы згара иахыԥаны, итәанхаз
аҭыԥҳацқьа аԥсы дахьдәылыргаз ауада дааҩналаны илыԥссоит.
Ианылыԥссо «аҩны цқьоуп, иҟоу бзазароуп, аԥсра цеит, абзазара
нхеит» ҳәа хынтә илҳәар ауп. Аҩмсаг ахаҭа уаҳа аҩны иҩнарҵаӡом,
иржыз инышәынҭраҿы иганы иаанрыжьуеит.
Аҩмсаг аԥхыӡ бааԥсы лассы-лассы избо ирымбаратәы аҟаҵараҿы
рхы иадырхәоит. Лассы-лассы аԥхыӡ бааԥсқәа збо, ицәырҳаны
иааԥшуа, акы иаршәо, зыцәа ҭынчым, аԥсцәа иреиԥхыӡуа ахәыҷқәа
рцәарҭа иаҵарҵоит. Уинахыс рыцәа ҭынчхоит, аԥхыӡ бзиақәа рбо
иалагоит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Алитература
1. Ахархәара рымоуп Џьынџьал-Кәыҵниа Раиса лҳәамҭақәа. Иани
ҵеит Петр Кәыҵниа, Очамчыра араион, Аҭара ақ., 20.07.2017 ш. азы.
2. Ахархәа рымоуп Чкотуа Маиа лҳәамҭақәа. Ианылҵеит Ц. Габниа.
Гәдоуҭа араион, Џьырхәа ақ., 16.06.2018 ш. азы.
Аҩсҭаа
Аҩсҭаа – аԥсуа миф аперсонаж иоуп. Анцәа диаҳәшьаԥоуп.
Аҩсҭаацәа реиҳаба Гәышьа ихьӡуп. Ран Кәарма-Ҵызҟьа. Анцәа
дара аҵыхәақәа риҭеит идырга ҷыданы.
Аҩсҭаа иԥаҵақәа џарџаруа иҟоуп. Иҽырҩашьаны ихы уирбар
ҟалоит: зны дыџьмоуп, зны ақәыџьма дақәтәоуп, зны ацгәы.
Аҩсҭаа даҩысҭахаанӡа дмаалықьын. Анцәа уи амреи амзеи
дрылихит. Мыцхәы бзиа дибон. Апату иқәиҵоз дарԥагьан, Анцәа
иҳәатәы хаимҵо далагеит: «Суаҳәшьаԥазар, адунеи абжагьы
сыхәҭоуп!» – ҳәа иеиҳәоит. Анцәа адунеи ҩбаны ишоит: хазы адгьыл, убас адгьыл иқәгылоу ашәаԥыџьаԥ. Аԥхьа алаԥшра Аҩсҭаа
ииҭоит. Ашәаԥыџьаԥ ашәҭыкакаҷра ибла хнакын, «абри сара
истәызааит!» иҳәеит. «Ашәаԥыџьаԥ уара иутәызар, адгьыл сара
истәуп», – иҳәеит Анцәа. Аҩсҭаагьы уи дақәшаҳаҭхеит. Ашьҭахь
«ушәаԥыџьаԥ сыдгьыл иқәганы ига», ҳәа идиҵеит. Аҩсҭаа ибеит дшаҵахаз, хшыҩла акырӡа дшеиҵаз. Анцәа идгьыл иара
изынхеит. Аҩсҭаагьы даҩысҭаахан, цәгьамзар бзиа ҟамҵо адәы
днықәлеит.
Анцәа ирдыдуа, ирмацәысуа Аҩсҭаацәа дрышьҭоуп. Аха Аҩсҭаа
даара дгызмалуп, адыд-мацәыс ихьӡошәа анибалак, днеины Ахьа
цаҵла даҵагылоит. Анцәа иан д-Хьацԥҳауп азы, ииҟьо Афы ахьаца
иавҟьаны ицоит.
Уаантәи Аҩсҭаа длаҵҟьаны дыҩуеит, Анцәа еиҭа ирдыдуа (ианыдыдуа Анцәа Аҩсҭаа дишьҭоуп дишьырц азы) уи днаишьҭалоит.
Дихьӡошәа анибалак днеины ауаа дрывагылоит. Амацәыс анаа
каҷҷалак, «Анцәа улԥха ҳаҭ!» зҳәаз ауаа, Аҩсҭаа дрывагылазаргьы
Афы рывирҟьоит Анцәа. Ус иззымҳәаз Анцәа ииҟьо Афы ала дреихсуеит. Усҟан Аҩсҭаа ахацәгашьа дақәшәоит, дызвагылаз ауаҩы
адыд-мацәыс дашьуеит.
Аԥсуа мифқәа изларҳәо ала ауааԥсыра ҩ-гәыԥкны ишоит:
Анцәа иитәу, Аҩсҭаа иитәу ҳәа. Анцәа дхазҵо, ауаа қьиа-иашақәа,
Аҩсҭаа егьа дрыҵагьежьыргьы рхаҭыԥаҿы иҟазаауеит, егьырҭ дыриааиуеит, ацәгьарақәа дирҟаҵоит. Аҩсҭаа ихаҭагьы ицәгьаршра
иахҟьаны, цәгьарамзар бзиа дақәымшәо, тәамҩахә имаӡамкәа,
адәы дықәуп.
Арахә рҿынтә Аҩсҭаа иитәу аџьма ауп, иара иоуп адунеи дара
анызҵазгьы. Аха аԥсуа ажәла ицәигоит.
Аҩсҭаа аџьма аниҵеит. Усҟан аԥсуаа аџьма закәу рыздырӡомызт,
ԥсыуак чнырс Аҩсҭаа дизнеит. Хәышықәса иџьма гәарихуан.
Ашьҭахь адәаҿы еилацалан иршарц рыӡбеит. Аха аџьма еилагьежьуеит, рыԥхьаӡара маншәалам. «Уааи, ацҳа иқәцалан иаҳшап!»
– иҳәеит Аԥсуа. Аҩсҭаагьы мап имкӡеит. Ацҳа иқәланы ишааиуз
Аԥсуа раԥхьа днагылан, иааникылеит. Аӡаҿы рыгагақәа раҟара
рыцланы иунарбоит. «Ацҳа иқәу ракәу, ҵаҟа аӡаҿы иҭоу ракәу
иуҭаху?» – дҵаауеит Аԥсуа. Аҩсҭаа аӡы дылҭаԥшын, уа зсахьа
аныз еиҳа игәаԥхан иалихуеит. Аԥсуагьы «ррет» иҳәан, иџьма
иманы дцоит. Аҩсҭаа иџьмақәа ицәыӡуеит. Аха, зегьакоуп, Аҩсҭаа
иџьмақәа ауаҩы иԥырхагоу маҷымкәа иҟарҵоит. Аҩсҭаа аԥхьа
натә ирылеиҵаз ацәгьа рцәа иалымҵыцт ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аҩсҭаа дызбо иреиуоуп ацә, ажә, ала.
Ацәи ажәи уааигәаӡа иааины, рхы уқәкны иануқәҟаауа, «уаҩ
сҭаахә уаԥхьа дгыланы ирбоит», рҳәоит ажәытәуаа. Хәыцк аарыл
хны рҟәаҟәа инықәыршәуа «уаҩсҭаахә уара думазааит!» ҳәа хынтә
иуҳәар ауп усҟан.
Аԥааимбари Аҩсҭаацәеи реибашьра. Анцәа иԥааимбарцәа
адгьыл ахь иааишьҭит Аҩсҭаацәа ндырҵәарц. Урҭ тәеит Мҷышь
аӡиас азааигәара, «Ноу иҭыԥ» ҳәа иахьашьҭоу адгьыл аҿы. Акыр еибашьит. Аԥааимбарцәа дреиҳабын Ноу. Аԥааимбарцәа Аҩсҭаацәа
ԥхьарцо мацара Ҟазахсҭанынӡа инарцеит. Уа Аҩсҭаацәа зынӡа
рыҽдырцәгьеит. Ауаа ус рҳәеит: «Уԥааимбарзар, амра лбааганы,
ҳшьапы инҭаланы, иҳақәланы ицо иҟаҵа!». Ус егьыҟаиҵоит. Аҩ
сҭаацәа зхалаз зегьы амра дара идмырбаӡакәа ирхысны ицоит,
раҩсҭаахәцәа зегьы былны. Иахьа ԥслымӡраны ишьҭоу адгьыл зегьы амра былгьо, ибылуа изхысыз ауп.
Аҩсҭаа аҵлагьы дахылаԥшуеит. Аҵла иқәло «Анцәа улԥха
сыҭ!» зҳәо уара дутәызааит! Уи зымҳәо сара дыстәызааит!» – иҳәеит
Аҩсҭаа Анцәа амал анишоз. Убринахыс аҵла иқәло рыҟнытә Анцәа
иӡбахә згәалашәо зегьы лыԥхала илбаауеит жьҭаан, изымҳәо аҵла
иалҟьоит, рыԥсқәа рхыхны Аҩсҭаа игоит.
Аҩсҭааи ауааԥсыреи реизыҟазаашьа. Аԥсуаа Аҩсҭаа ииааишьа рдыруан. Аҩны дааганы рымаҵ идыруан. Абас Шамбак амҿы
ихыхуан, асал алаҵо. Амҿы измыршьшьеит, асал ахьалеиҵаз уа иаанхеит. Ихәлеит. Ашамба аҩныҟа дцеит. Аҩсҭаа дааин асал алсхуеит ҳәа далагеит. Иалихит, аха аҩшьшьара инапы лыбжьашәан иакит. Аԥшәма данааи, Аҩсҭаа дҟәызгаӡа уа дтәан. Иҵыхәа ааишәан,
излеишәаз алаба иҵәахит, Аҩсҭаа аҩныҟа дицны дааит. Уинахыс Ашамба ихшхырҵәы рацәахеит, амҿы знык иааигар нҵәара
ақәӡамызт. Аха Аҩсҭаа иҵыхәа зларшәаз алаба ахьыҟаз Ашамба ихәыҷы «ахҷаҭ уҿасҵоит» ҳәа джьаны иирҳәоит. Алаба аниоу,
ахәыҷы ахш ахьеилашуаз ачуан дылҭажьны, иара дцоит.
Аҩсҭаацәа ртәарҭа, реизарҭа: аӡлагара, адәҳәыԥш ԥшӡа
хәыҷы, абаа хыжәжәарақәа, аҩны ашә ахьакыз, ауаҩы дахьахыӡӡааз,
агәараҭақәа, ашәхымс.
Аҩсҭаа дзыцәшәо: Аҟама, аӡаӡ, амца, аӡыршы, аҵәасса, ақәыцҵла.
Аҩсҭаа имчра ахҽразы иҟарҵоз. 1. Ажьираҿы иҟарҵаз аҟама
аҭаца дыбжьыргон Аҩсҭаа дылҟәырцарц, аҭаацәара ҿыц дызланагалаз рҿы дылԥырхагамхарц. Убри азы ауп иахьагьы аҭаца аҩны
даныҩнаргало асхамшә (ашәхамс) аҿы ҩыџьа арԥарцәа наҟ-ааҟ
игыланы, рҟамақәа еихарсны дзыҵырго. Асхамшә Аҩсҭаа итәарҭа
ҳәа иԥхьаӡоуп. Убри азы ауп уи аритуал уа изымҩаԥырго.
Аҩсҭаа ицәгьара ахҽразы иҵыхәа хҵәаны ирҵәахуан, мамзаргьы ишәаны. Изларшәаз алаба иара иахьимбашаз ирҵәахуан.
Аҩсҭаа дырԥырхагамхарц азы аҵәассамахә, ақәыц амахәҭа
хәыҷык изаӡоу акы иҭаӡахны, рцәа иадырҵон. Уинахыс Аҩсҭаа урҭ
рааигәа дааиӡомызт. Аҩсҭаа иҟәых аныргалак, иара изынхоз Анцәа
иаҳәшьаԥара акәын, убри аҟнытә уи зҿы дыҟаз зегьы барақьаҭра
рыгхаӡомызт.
Аԥсуаа ражәа иалоуп афразеологизмқәа: Иаҩсҭаахә дизыцәгьа
хеит. Даҩысҭаахеит. Аҩсҭаа дикит. Аҩсҭаа иҟәаҟәа дықәтәоуп. Аҩ
сҭаа диԥырхагахеит. Аҩсҭаа деивигеит. Аҩсҭаа иеиԥш дгызмалуп.
Аҩсҭаа иеиԥш аҵыхәа имоуп.
Алитература
1. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. VII атом. Атом еиқәлыр
шәеит, акьыԥхь иазлырхиеит, аԥхьажәеи азгәаҭақәеи лҩит Ц. С. Габниа.
Аҟәа, 2002, ад. 181 – 191.
2. Чурсин Г.Ф. Материалы из этнографии Абхазии. Сухуми, 1956, с. 65.
3. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1960, с. 50.
Аҩсҭаа илхра // Барбанџьиа
Аҩсҭаахә илхра – аԥсуаа рҿы, еиҳарак аҿар рыҩнуҵаҟа есы
шықәса, Нанҳәамзазы Аҩсҭаа ибылраҳәа имҩаԥырго қьабзуп.
Ианымҩаԥыргоз ҳәа аамҭақәа аҭҵаарадырраҿы еиԥшымкәа иарбоуп: Нанҳәамза 14, Нанҳәа уаҵәызар уаха.
Нанҳәмза 12 – 14 рзы, ахаша, Аҩсҭаацәа еилатәаны реилацәа
жәара иамшуп ҳәа аԥсуаа ажәытәан ирыԥхьаӡон. Аԥсуаа ауаа
ԥсыра зегьы ҩысҭаахәк, ҩысҭаахәк дрымоуп, дырхьԥшуп рҳәоит.
Абарҭ амшқәа рзы, еиҳарак уахынла урҭ рҽырҩашьаны ауаа рҽы
рзааигәартәырц иалагоит. Знык изырхалар, нас ирхыҵӡом. Убри
аҟнытә ахыхьчаразы гәараҭацыԥхьаӡа амцақәа еиқәырҵоит.
Ажәытәан нанҳәамза 14 ауха, амза шыҩагылалак еиԥш ақәни,
аныцәи, ахәысхәеи, иара убас аҭәеи, аҭырас амахәқәеи леилажьны
амца агәгәаҳәа еиқәырҵон.
Амцабз аныҟалалак аӡәаӡәала еишьҭагыланы иахыԥон «саҩс
ҭаахә дызблит, саҩсҭаахә дызблит, саҩсҭаахә дызблит» ҳәа хынтәхынтә иҳәо, хынтә иахыԥон. Уи ала дасу ихьыԥшыз Аҩсҭаа дибылуеит ҳәа ирыԥхьаӡон. Амца шаанӡа идырцәаӡомызт, ицәо иалагар
аԥсы ҭарҵон. Ауха шаанӡа убри иаҿын, лацәеихьшь ҟарҵаӡомызт.
Ицәар аҩсҭаацәа рхалоит, рымчра ргоит ҳәа азырԥхьаӡон.
Ашамҭазы зегьы џьыкахыш хәыҷык амца иақәрыԥсон, алабақәа
рыла амца иаасуа арцәара иалагон «Аҩсҭаа дҳаблит!», «Аҩсҭаа
дҳаблит!» ҳәа рыбжьы рдуны иҳәо.
Ашара анааҵалалак, имыцәаӡакәа ишдыршаз агәылацәа ид
дырҳарц азы ихысуан. Ахысбжьы заҳаз «Шәаҩсҭаахә дыӡит!»,
«Шәаҩсҭаахә дыблит!», «Анцәа иџьшьоуп!» рҳәон. Абас мцала аԥ
суаа ацәгьамыцәгьа ҳҟәаҳблаауеит ҳәа ирыԥхьаӡон.
Ари ақьабз иахьӡуп «Аҩсҭаа илхра». Иҟоуп авариантқәагьы –
«Аҩсҭаахә ибылра», «Аҩсҭаа ибылра», «Барбанџьиа».
Алитература
1. Иоакимов А. Абхазцы//Кавказ. 1874. № 39.
2. Гулиа Д. История Абхазии.Т. I, с. 227.
3. Чурсин Г.Ф. Материалы из этнографии Абхазии. Сухуми, 1956, с. 65.
4. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1960, с. 50
(48 – 50).
5. Габниа Ц. С. ланҵамҭақәа. Ешыра ақ., 2010; Џьырхәа ақ., 1996 ш. азы.
Џаџа
Џаџа – аарыхра, аура-ахаҳара анцәахәы лоуп. Аԥсуа мифо
логиаҿы лыӡбахә маҷымкәа иҟоуп. Џаџа дыԥҳәыс нцәахәуп.
Афольклортә текстқәак рҿы дхаҵаны данцәырҵуа ыҟоуп, аха
уи аҿиара маиуӡеит, иахьа уажәраанӡагьы Аԥсны иахьабалак, да
хьыргәалашәо дшыԥҳәысу наҵшьны иазгәарҭоит. Илызку аны
ҳәарақәа рыҿгьы ус шакәу мҩашьарада иубоит.
Џаџа ижәытәӡоу нцәахәуп. Лоура мыцхәӡам, шәпа-жәпак, лыжә
ҩахырқәа ааҟьаҟьаны дыҟан. Текстқәак рҿы уи дҭакәажәны, лԥы
шәи лшьапқәеи еидысло, дџьыҟәны лыӡбахә ҳәоуп.
Аԥсуаа аарыхра, аҽаҩра абзиахара, мамзаргьы аҟамлара лара
илыдырҳәалон. Аҽаҩра бзиа ҭаргалар «Џаџа лныҳәаԥхьыӡ» иабзоуроуп рҳәон, аҽаҩра алҵшәа маҷхаргьы «Џаџа лышәи ақәшәеит»
рҳәон. Аҽаҩра бзиа аныҟалоз Џаџа аџьықәреиҭра «раки ӡаки, раки
ӡаки хә-мацәи» ҳәа ҳәо, ахы инаркны аҵыхәанӡа илгәарԥханы
даналсуаз акәын ҳәа иԥхьаӡан. Ус акәымкәа, Џаџа дгәамҵуа,
«нацәкьыс-нацәкьыс, нацәкьыс-нацәкьыс» ҳәа лнацәкьыс кьеҩ
ӡа икны амхы далсыр, аџьықәреи алаԥҟьа хәыҷхон, аҽаҩра
бзиахаӡомызт.
Аҽаҩра бзиахарц азы Џаџа лгәы ҟазҵоз аныҳәарақәа мҩаԥыр
гон. «Џаџа лныҳәара» захьӡыз аныҳәарақәа мҩаԥыргон аарыхра маншәалахарц азы, иахәҭоу, ихарҟьамкәа, иларҵо ацырақәа
гәылазмырбаауа ацәаакыра аиурц азы. «Џаџа лныҳәара» ҟамҵакәа
ажәла карԥсаӡомызт.
Аныҳәаҩ. Дныҳәон аԥҳәыс бырг, аԥҳәыс цқьа.
Амҩаԥгашьа. Аныҳәаразы амгьал рӡуан, ахарҵәы адыргалон,
ашәеилаҵа ԥымҟаӡакәа, аҳәызба ақәҵаны иқәырҵон. Урҭ рхыԥ
хьаӡараҿы иҟазароуп, хымԥада, аҟабақ//аҟаб. Аныҳәара мҩа
ԥыргон амхәырсҭаҿы.
Амҩаԥгашьа. Аныҳәаҩ мацқьа-шьацқьа лҽеилалҳәон, акасы
шкәакәа ҿыц ныҵырҟьаны илхалҵон. Дзыхныҳәо аашьҭыхны,
амхәырсҭа агәҭаҿы днеины инышьҭалҵон зегьы. Нас дрыхныҳәон
абас ҳәо: «Џаџа! Бнапы ҳануп. Иҳалшоз ала абра ҳабзааит. Сын
тәагьы бҳаргәамҵуеит, аха быда ԥсыхәас иҳамои! Мшыбзиала
лаҵара ҟало, аарҩара бааԥсы ҟамло, ԥша цәгьа, кырцх млеио, млакыра ҟамло иаҳзыҟаҵа. Џаџа блаԥҟьа рацәахо. Сбыҳәоит иҳаг
бмыжьын!»1.
Аныҳәашьақәа аивыгара рыман, аха рҵакы акакәын: «Џаџа ду!
Ҳара иҳахәҭаз зегь наҳагӡеит, ҳара иааҳгеит ибыхәҭоу зегьы, убри
аҟнытә ҳбыҳәоит баҳхылаԥшырц, иҳаҭ аҽаҩра бзиа амхаҿгьы,
ауҭраҿгьы»2.
Ианныҳәоз аамҭа. Иныҳәон ааԥын, аԥхын – аџьықәреи ах
ҳәамҭаз, ҽаҩраҭагаланшьҭахь. Ҽаҩраҭагаланшьҭахь ианныҳәоз
иадыргалон иҟоу ашәыр хкқәа зегьы. Амгьал ашә агәылаҵаны
ирӡуан, аҟабақгьы уа ишьҭарҵон, иҭәны иҟоу алаԥҟьақәа ҩба,
асыс. Дныҳәон аԥҳәыс цқьа. Аныҳәарақәа руак абас иҟоуп: «Џаџа,
иҭабуп ҳәа баҳҳәот. Мшыбзиала илаҳҵит, ҳажәла ианаамҭаз
иҵәыӷьет, игәылҵит. Аџьықәреи ашьапы жәпаӡа, иауцәамкәа,
алаԥҟьа наӡа ҿалеит, ҳца бырҭәит, блаԥҟьақәа рацәахит. Быхь
ӡала ашьа каҳҭәет! Ҳаарыхра ҳхарҳа, ҳаԥхӡы зҩамхо иҟаҵа,
сбыкәхшоуп!»3.
Аныҳәаҩ аҭаацәара датәызар ауп. Данныҳәо илывагылоит
аҭаацәараҿы иҟоу аҳәса зегьы, амаҷқәагьы налаҵаны. Уа ирзыфо
рфоит, иаанхо аҩныҟа иааргаргьы ҟалоит. «Џаџа ллаԥҟьа» иргаз
ааганы аҩны икнарҳауеит. «Џаџа ллаԥҟьа» ҳәа иашьҭоуп алаԥҟьа
наӡа, зцырақәа гәылҭәааны, зхы еимаџьгәоу, еилшәара знымԥшуа.
Џаџа илызку аныҳәара амҩаԥгашьа даҽакалагьы ирҳәоит.
Ашылабысҭа уны, арашы сыӡбал аҵаҭәаны еилдырхуан. Аишәа
аҩны азхаз иргыланы, иара уа иқәыргыланы иахныҳәон абас ҳәо:
«Џаџа, ҳамхы ибзианы балс, бақәныҳәа!»4.
Џаџа лныҳәара ажәытәан иҵегьы инеиҵыхны имҩаԥыргон,
рныҳәара ашәаны ирҳәон5. Хәаԥ ақыҭан инхоз, еицырдыруаз
ажәабжьҳәаҩ Машьика Арсҭаа илҳәамҭаны инхеит атекстқәа ҩба.
Атекстқәа изларҳәо ала аныҳәара иадыргалон: аҟабақ, аҟәыд еи
лыршәшәа чаԥаны, ахычбаба, аҽага, аҭәарӷәы, агәыр, амацәаз,
арахәыц, ааҵәа.
Ара иҟоуп Џаџа илфаша, бзиа илбо афатәқәа. Убас аарыхраҿы
зыда ԥсыхәа ыҟам амаҭәарқәа. Агәыр, арахәыц, амацәаз Џаџа
иҵегьы лылшарақәа ртәоуп ирҳәо. Иҟалоит уи аӡӷабцәа аӡахышьа
дзырҵо, имҩақәызҵо нцәахәны уаанӡа илыхәаԥшуазҭгьы: «Абра
бгәыр ыҟоуп, Џаџы. Бмацәаз ыҟоуп, Џаџы. Брахәыц абра иҟоуп,
Џаџы».
Џаџа длымоуп аԥа, аҭаца, аԥҳа. Ауаа дызлареиԥшу рацәоуп.
Ларгьы ҵеила деиқәшәоуп. Ауаа раасҭа лылшара, лымч дууп,
дынцәоуп.
Аԥсуаа Џаџа ныҳәарала лгәы ҟарҵон, иҭабуп ҳәа ларҳәон аҽаҩра
бзиа азы. Аха аҽаҩра бзиа анырмоулак, аныҳәара анаҩсангьы,
лыршәара аҭахуп ҳәа ирыԥхьаӡон.
Аинформант Ҳагба Џьгәанаҭ иҿынтә 1960 шықәсазы ианҵаз
атекст излаҳәо ала нхаҩык имхы дышҭаз Џаџа дибит. Уи «нацәкьыс-
шьацәкьыс, нацәкьыс-шьацәкьыс» ҳәо имхы далан. «Аа, аҳәахша,
иҟабҵуази!» – аниҳәа, дшәеит лара. Дааҳәын: «Раки-ӡаки, хә-мацә!
Раки-ӡаки, хә-мацә!» – ҳәа ҳәо, дыҩны дцеит. Ашықәсан амхаҿы
аҽаҩра убас ибзиахеит, аҭагалара иахәомызт!»6.
Иахьагьы аарыхра анмаҷхалак, «Џаџа даҳхашҭит, убри ауп зегьы зыхҟьо» ҳәа анырҳәогьы ыҟоуп. Аԥсуаа рныҳәарақәа ирылоуп аныҳәаԥхьыӡқәа Џаџа дузылԥхааит! Џаџа дузыбзиахааит! Џаџа
лылԥха-лгәаԥха уцзааит! Џаџа лџьықәреи џарџаруа иҭоугалааит!
Џаџа ллаԥҟьақәа умхаҿы ирацәахааит! Џаџа леиԥш уџьықәреи
ашәага аҩцамкәа, аха иџарџаруа, алаԥҟьа ҭәны, ацырақәа гәыл
ҭәааны иҟалааит!
«Џаџа лныҳәара» иахьа имаҷуп иҟазҵо, аха иуԥылоит. «Џаџа
ллаԥҟьақәа» аацәырҳәны, аха аԥарч камыжькәа, иааихыршьны
уаҩы илаԥш иахьыҵашәаша икнарҳауеит. Урҭ алаԥҟьақәа рхыԥ
хьаӡара ҩба рҿынӡа инаӡар аҽаҩра бзиа ҭоугалеит, «Џаџа дузыбзиахеит» ҳәа иԥхьаӡоуп.
Алитература
1. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда Уаҳаид-иԥҳа. Ианылҵеит Ц.С. Габниа. Џьырхәа ақ., 1996 ш. азы.
2. Джанашиа Н. С. Стати по этнографии Абхазии. Сухуми, 1956, с. 99.
3. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда Уаҳаид-иԥҳа. Ианылҵеит Ц. Габниа.
Џьырхәа ақ., 1996 ш. азы.
4. Аԥсуаа рфольклор. Артур Аншба ианҵамҭақәа. Еиқәиршәеит, аԥ
хьажәеи атекстқәа разгәаҭақәеи иҩит З.Џь. Џьапуа. Аҟәа, 1995, ад. 395.
5. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. Актәи атом. Аҩбатәи
аҭыжьра. Еиқәиршәеит, аԥхьажәеи азгәаҭақәеи иҩит В.А. Кәаӷәаниа.
Аҟәа, 2008, ад. 112.
6. Бгажба Х.С. Бзыбский диалект абхазского языка. Тбилиси, 1964, с.
388 – 389.
7. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. VII атом. Еиқәлыршәеит
Ц. Габниа-Инал. Аҟәа, 2002, ад. 152 – 177.
8. Зыхәба С.Л. Аԥсуа мифологиа. Аҟәа, 2012, ад. 633 – 637.
9. Табагуа С.А. Абхазские традиционные обряды и обрядовая поэзия.
М., 2001, с. 52 – 57.
Џьиқер- салаҭ аҳ ду
Џьиқер-Салаҭ аҳ ду – ауаҩы ахшыҩ изҭо, ихшыҩ ахархәашьа
дақәзыршәо, хархәашьас еиҭо иахылаԥшуа, иҳәаақәызҵо нцәахәуп.
Аԥсуаа ркультура атрадициаҿы уи анцәахәы ихьӡ нымхаӡеит.
Иахьа иӡбахә, изку аныҳәарақәа Аԥсны ахы инаркны аҵыхәанӡа
џьарагьы иуԥылаӡом.
Аԥсуаа нцәахәыс дшыршьоз атәы далацәажәон XIX-тәи ашәы
шықәсазы Аԥсны иаҭааны иҟаз Введенски А.2 Уи аԥсуаа рынцәа
хаҵара аҭагылазаашьа дахьахцәажәоз истатиак аҿы иҳәоит аԥсуа
ауаҩы ихшыҩ ахырхарҭа аҳас иамоу анцәахәы Џьиқер-Салаҭ аҳ ду
ҳәа ахьӡ ҷыда шимоу атәы.
Аԥсуаа Џьиқер-Салаҭ аҳ ду изкны шықәсык ахьтә знык аны
ҳәара мҩаԥыргон. Аныҳәара иалахәын аҭаацәара зегьы. Ари ан
цәахәы ихьӡала имҩаԥыргоз аныҳәарақәа инарымаданы, ихьӡала
акәырбанқәагьы рықәырҵон. Аныҳәара мҩаԥыргон ԥшьашак
аҽны, ачгара, мамзаргьы аурычра ианыҵамыз аамҭа иақәыршәа
ны. Аҭаацәарақәа зегьы хазы-хазы имҩаԥыргон. Аныҳәара ам
ҩаԥгара заа аҽазыҟаҵара иалагон. Ааԥын, заа ихырхыз акәҷара
қәа ианхбыџхалак, зиака бзианы илҵыз арбаӷьҷышь аика цкәаны
иаурышьҭуан. Уи иушьратәы иазҳаанӡа иалакьысӡомызт.
Аныҳәара амҩаԥгашьа. Аныҳәара мҩаԥыргон адәаны. Зика
ааԥын ицкәаз, уажәы иушьратәы изызҳаз арбаӷь аанкыланы иршьуан. Ижәны еиҿыхны асаара ианырҵон. Аџьыкхыши аџьы
кҵәаҵәеи адыргалаӡомызт. Ачашыла ала икәаҳаз амгьалқәа ԥшьба

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Амифи аритуали - 14
- Büleklär
- Амифи аритуали - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3580Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3626Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3670Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3629Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3610Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3600Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3603Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3565Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3578Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3672Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3649Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3599Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3028Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.