LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Амифи аритуали - 12
Süzlärneñ gomumi sanı 3565
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2164
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Аҵәа аизҳара, аҿиара иасимволны иуԥылоит аԥсуа мифқәа
рыҟынгьы. Ахшаара дызмам, аҵәа лкалҭ инаншәалан, лара иаашь
ҭыхны, ицәрыԥссаны абжак лфоит, абжак лхаҵа иҿалҵоит. «Лаам
ҭа анааи, аҷкәын хәыҷы дылхылҵит»4.
Аҵәа ауаҩы игәҭакы нанагӡоит. Абри аҩыза афункциа амоуп
Нарҭаа репос аҿы. Нарҭаа шәарыцара излацо амҩаҿы ҵәаҵлак гылоуп, аҵәа ахьссы иҿоуп. Аҵәаҵла аҭакәажә илыхьчоит. Иаҳфоит
ҳәа абаҳча иҭало зегьы аҭакәажә дрықәшәиуеит, дзықәшәиуа зегьы ԥсуеит. Рхыбаҩқәа наганы лашҭа иакәыршоу амасар аанда
иахаларԥоит. Нарҭаа ҩыза ҿыцс ишьҭырхыз илшоит аҭакәажә
дылшәиаанӡа, аҵәақәа аашьҭԥааны, агәар аанда наҟ ахыԥара. Аҭа
кәажә дшәиуеит «узлаҟам ала уҟалааит!»5 ҳәа, аха лажәақәа зегьы
лҳәаанӡа арԥыс агәара дахыԥеит аҟнытә дыԥсӡом, лышәира бжатахоит. Илҳәаз иқәшәоит, уаанӡа иҭыԥҳаз, аха лыҽцәырымгаӡакәа,
хаҵа маҭәала лҽеилаҳәаны, Нарҭаа рҩызахара лҽаԥсатәны иҟаз,
уажәы дарԥысха даақәгылоит.
Аҵәа ахәыҷқәа ргәабзиара иазеиӷьуп. «Аҵәа еиҳарак аӡынра
ахәыҷқәа ирфалар, аимҳәа иакӡом, аӷьцәа аҭыгаразы ибзиоуп,
убас рыбаҩгьы арӷәӷәоит. Адәынцара зцәыуадаҩу, аҵәа ифалар,
идәынцара мариахоит, дласӡа дҟанаҵоит»6.
«Аимҳәара ихҭанакыз, аҵәа абыӷьқәа 7,8 цыра ачаи еиԥш иааршны, аӡы наҵхны хԥа, ԥшьба мшы хынтә-ԥшьынтә ижәлар аӡы
ацынхәарас, аимҳәара даҟәнахуеит».
«Аҵәа ауаҩы имч иазнарҳауеит, ибаҩ арӷәӷәоит».
«Аҵәаҵла амшьҭацәгьара хнаҽуеит ҳәа аҟьатамақәа алырхуеит,
аурдын иаҵаҳәоу ацәқәа ԥырхага рмоуа иҟанаҵоит»7.
Аԥсны адгьылҵакыраҿы раԥхьаӡа иқәнагалаз ашәырҵлақәа
иреиуоуп аҵәаҵла. Аԥсуа миф излаҳәо ала «Адоуцәа ахьаныз
аҭыԥан, улаԥш ахьынӡанаӡо ашәыр баҳчақәа еихашьшьы ина
шьҭын, ашәыр хкқәа зегьы ыҟан… Уахьынаԥшлакь аҵәа, аҳа, ата
ма рымахәқәа хьыхәаны акәын ашәыр шырҿаз»8. Нарҭаа, Сасры
ҟәа днарылаҵаны, Адоуцәа ириааины, «рышьҭахьҟа амҩа ины
қәлан, аҩны ианааи, иааргаз ашәырқәа зегьы еиҭарҳаит». Абас ала,
Нарҭаа ирыбзоураны Аԥсны ианылеит зымшьҭа бзиоу, иԥшьоу
ашәыр – аҵәаҵла.
Аныҳәарақәа ирыдҳәаланы ашьтәақәа аныршьо, ацәа ахыхразы
аҵәаҵлеи алҵлеи рҿы ауп иахьыкнарҳауа.Усҟан акәац еиҳа ихаахоит рҳәоит.
Алитература
1. Илҳәамҭоуп Ашәба-Чкотуа Зинаида. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа
ақ., 05.07.2016 ш. азы.
2. Илҳәамҭоуп Чкотуа Еҭери Дикран-иԥҳа. Ианылҵеит Ц. Габниа.
Џьырхәа ақ., 05.07.2016 ш. азы.
3. Салусан, ԥсыӡ Салусан, Қәлықә Салусан, Ҟаиҭамыр //Аԥсуа лакәқәа.
II атом. Еиқәиршәеит К.С. Шьаҟрыл. Аҟәа, 1968, ад.123-126.
4. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
24.06.1998 ш. азы.
5. Нарҭаа рыҭаҳмада // Нарҭ Сасрыҟәеи ԥшьынҩажәи зежәҩык иара
иашьцәеи. Еиқәдыршәеит Инал-иԥа Ш.Д., Шьаҟрыл К.С., Шьынқәба Б.У.
Аҟәа, 1962, ад. 117.
6. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.
24.06.1998 ш. азы.
7. Иҳәамҭоуп Габниа Назырбеи. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
14.01.2019 ш. азы.
8. Нарҭаа ашәыр шанырҵаз // Нарҭ Сасрыҟәеи…. Ад. 236-241.
Ҷап
Ҷап (Ҿап) – ахәышҭаара нцәахәуп, аха рацәак игәы разым,
еиҳарак хықәкыла инеиԥынкыланы аныҟәара зҽазызкуа ахәыҷқәа
роуп дызчычоу, дызԥырхагахо, иикуа. Уи ахәыҷқәа ршьапы
дамҵасны икуеит, изымныҟәо, ршьапы рзеихымго, имчыданы
иҟаиҵоит.
Ҷап дзеиԥшроу. Иоура маҷуп, ахәышҭаара дахыҳәҳәаӡом. Уб
ри азы улаԥш дыҵашәаӡом. Аԥсуаа жәытәнатә аахыс ахәышҭаа
ра иҽҳәаианы ацәара бзиа избо ргәырҽанырҵон «Ахәышҭаа
ра уҽҳәаиар Ҷап уикуеит» ҳәа. Ҷап изкны имҩԥыргон «Ҷап изы
аныҳәара».
Аныҳәара амҩаԥгара ахықәкы. Ахәыҷы аныҟәара иналагаз,
иаалырҟьаны аныҟәара кажьны, аҳәазара ҵигар ҟалоит. Аҭаацәара,
егьа ҟарҵаргьы, уаҳа ишьапы дзықәымгыло, дықәургыларгьы
ишьапқәа еилахәо, ашьапы ақәгылара иҭахымкәа, дзықәымгыло
даныҟалалак имҩаԥыргоит абри аныҳәара. Ахәыҷы иныҟәара
зырԥсыҽыз Ҷап иоуп ҳәа азыԥхьаӡаны, даарыԥхьоит ахәыҷы
«дышьҭызхыз» агәылаԥҳәыс. Уи лоуп иныҳәогьы.
Амҩаԥгашьа. Аныҳәара иадгалатәу:
Аӡхьамши ахаҳә шкәакәа ссақәа быжьбеи ааргоит акәарақәеи
аӡиасқәеи быжьба рҿынтә; быжь-ҭаацәарак рҿынтә фатәы маҷсаҷк; ацәацқьа иалху ацәашьқәа быжьба; еижәлантәым хҩык,
ма быжьҩык аҳәса цқьақәа (аҭакәажәцәа); ахәышҭаара хызҩаша
амгьал.
Ахәыҷы дышьҭызхыз амгьал наганы ахәышҭаара иақәҵаны
ихылҩоит. Нас ахәыҷы лнапы данҵаны мгьалла ихҩоу ахәышҭаара
аԥхьа дгыланы дныҳәоит.
Аныҳәашьа: «Ҷап дуӡӡа! Ари ахәыҷы аӡаҿы дукызар – доушьҭ;
ахаҳә аҿы дукызар – доушьҭ; агәылара дукызар – доушьҭ; ахәы
шҭаараҿы дукызаргьы – доушьҭ; дахьукызаалак – доушьҭ; ишьапқәа
ааԥыртны – доушьҭ. Угәы иаахәап ҳәа быжьҩык аҭакәажәцәа
ааҳгеит, быжь-ӡиаск рӡы еилаҳҭәеит, быжь-ӡиаск рҿынтә ахаҳә
ссақәа ааганы еилаҳԥсеит, иара убас быжь-ҭаацәарак рҿынтә
афатә еилаҳԥсеит! Зегьы узааҳгеит. Амгьал ӡны иуаҳҭеит. Ҳу
ҳәоит зегьы абри ахәыҷы ишьапы аууышьҭырц!».
Абас хынтә дныҳәоит. Аҭакәажәцәа ахәышҭаара иакәшаны игылоит. Иаалгаз ацәашьқәа ахәышҭаара иакәыршаны иалыркуеит.
Ахаҳә ссақәагьы ахәышҭаара иакәыршаны ишьҭалҵоит, иара убас
аӡхьамш иаалгазгьы ахәышҭаара дакәшо икалҭәоит. Нас амгьал
ааԥҽҽны аҭакәажәцәа ирылҭоит. Лара лхаҭа дназлоу зегьы акгьы
аанмыжьӡакәа ирфоит.
Аныҳәара ахыркәшашьа. Амгьал ыфаны ианаалгалак, аны
ҳәаҩ, ахәыҷы даниуаз дышьҭызхыз, ахәыҷы еиҭа дҩышьҭыхны
ахәышҭаара дарбо абас лҳәоит: «Шьҭа ушьапқәа Ҷап иауишьҭит,
Ҷап иауишьҭит, Ҷап иауишьҭит! Ҷап дуӡӡа! Угәы иаахәаша ҟаҳ
ҵеит! Акруфит, акружәит! Шьапыла ҳхәыҷы иҿынеихеит!».
Аҭакәажәцәа аӡәаӡәала илҳәаз ҿыц еиҭарҳәоит. Уинахыс ахәыҷы
дымшәаӡакәа аныҟәара далагоит, Ҷап дизылԥхоит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аԥсуа бызшәаҿы иҟоуп ажәа еицааира «Аҷап ҳәа иакит». Ус
рҳәоит аҩнашә азы, аҳәынҵәра зқәу аимаа азы. Аҵакы еилкаауп,
имаатуа, ибзианы иакит ҳәа ауп уи иҳанаҳәо. Аха Ҷап ахаҭа иахьа
иаҳәо ҳзеилкааӡом. Иҟалап, ахыҵхырҭа ахәышҭаара иадҳәалаз,
ахәыҷқәа ирчычаз, рныҟәара иаԥырхагаз Ҷап дуӡӡа иҿы акәзар
иахьыҟоу.
Алитература
1. Дбар С.А. Обычаи и обряды детского цикла у абхазов. Сухум, 2000, с. 55.
2. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1960,
с. 107 – 108.
3. Илҳәамҭоуп Шамба М. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ., лаҵарамза
10. 1980 ш. азы.
4. Малия Е.М. К вопросу о семантике некоторых изображений на предмет быта у абхазов. Известия. Тбилиси. Мецниереба, 1979, с. 143.
АҷаԤшьара
Аҷаԥшьара – аԥсуаа рҿы жәытәнатә аахыс ачымазаҩ ӷәӷәа
дахьыҟоу аҭаацәараҿы агәыла-азла есуаха еизаны имҩаԥыргоз
адтәалара аритуал иатәуп.
Ҷаԥшьара ҳәа еицныҟәо зцоуҭхәы еилоу, иара убас ажәла, аешьара иатәу роуп.
Ҷаԥшьара ҳәа иахьцоз ачымазаҩ ӷәӷәа дахьыҟоу аҭаацәарақәа
рахь акәын.
Ианцоз.
Аҭаацәарақәа уаххьа ыфаны рҽанааилдыргалак, рырахә-ры
шәахә рҭыԥ инықәҵаны, есуаха ҭаацәа цыԥхьаӡа аӡәаӡәа, ма ҩы
џьа-ҩыџьа рҽааибаркны игҿоу ачымазаҩ дызмоу рахь ицон. Уа иаанхон аҵх агәы аарымнахаанӡа. Зегьы еизаны итәон иара ачыма
заҩ дахьышьҭоу ауадаҿы. Аҷаԥшьара аԥсуа-адыга жәлар традицианы ирыман. Ҷаԥшьара ицон зегьы: адуцәа, ақәыԥшцәа, ахбыџқәа;
иамамызт асоциалтә ҟазшьа – аамсҭа, аҭауад, анхаҩы хәа.1
Ицон есуаха. Аҵх ԥырҽуан шәаҳәарала, кәашарала, лафҳәарала.
Аҵх зегьы лахҿыхрала ицар акәын. Ара иаауан ачамгәыр ар
ҳәаҩцәа, аԥхьарца арҳәаҩцәа, ажәабыжьхәаҩцәа. Ажәабыжьқәа,
амифқәа, алакәқәа, алегендакәа рҳәон, ацуфаразы еицлабуан. Ари
«ачаԥшьара зегьы иреиӷьу школны иҟан ажәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа
раларҵәаразы».2
Аҷаԥшьара «аԥсуа системаҿы аҵак ду змаз ахәҭақәа ируакын.
Иара апрогматикатә ҵакы – ачымазаҩ игәабзиара ацхраара мацара адагьы, иаман агәыразратә, адоуҳатә ҵакы».3
Аҷаԥшьара аԥсуаа рыԥсҭазаараҿы акыр ихәарҭоу еизыҟазаа
шьан, ҵасын. Ианыԥшуан аизгәыбылра, аихаҵгылара, арыцҳаи
башьара. Ари аизыҟазаашьа ацхыраара ҟанаҵон ачымазаҩ ичымазара аиааира азгьы.
Аҷаԥшьаҩцәа еизон ачымазаҩ ишьапы дықәгылаанӡа.
Аҷаԥшьаразы еизон ахәра ӷәӷәа зманы ишьҭоу ауаҩы иҭаа
цәараҿгьы. Уа еизаз ирҳәон «Ахәрашәа», «Ахаҵарашәа», «Ахрашәа».
Ашәа рҳәон инеиҭак-ааиҭакны. Ацуҭаҿы аԥхьарцархәаҩцәа
ыҟамзар, ирыԥхьаны даҽа цуҭак аҟнытә иааргон. Аԥхьарца
азырҳәоз аҷаԥшьаразы итәаз зегьы ицдырӷызуан. «Ахәрашәа»
рҳәон еиҳарак ахы зланы ишьҭаз ахы анилырхуаз аамҭазы. Зхьаа
иацлаз ахаҵагьы ашәа зҳәоз ианрыциҳәозгьы ыҟан. Уи ала ихьаа
ахгара иацхраауан. Ахы злаз, ахы анилырхуаз маҷк дыӷзыргьы,
уи ашәабжьы иалаӡуан. Ашәа игәы арҿыхон, алаф ирҳәоз ихьаа
арԥсыҽуан.
Аҷаԥшьарақәа рҿы инеиуан ақыҭақәа ирылаз ақьачақьцәагьы.
Усҟан аҷаԥшьара атеатр аҟазшьақәа шьҭнахуан. Ақьачақьцәа
аҟабақ ацәа иалхыз амаскақәа рхарҵон. Аблақәа рҭыԥқәа рҿы
иҭырффаны иҟарҵон4.
Ақьачақьцәагьы уа итәаз зегьы зырлахҿыхшаз алаф инеимдаааимда ирҳәон.
Аҷаԥшьарақәа мҩаԥыргон аԥсра ахықә иқәгылаз аҭаҳмада,
аҭакәажә, ачымазаҩ бааԥс ахьыгҿазгьы. Зегьы ирдыруан уи
иԥсра шааигәаз, аха макьана иԥсы ахәа ҭан. Уи ус дыгҿахар ҟалон
акыраамҭа. Аҭаацәарақәа ргәырҩеи дареи рымацара еизнымхарц
азы акәын уа ҷаԥшьара иааиуаз ззеизозгьы. Ара иҟан агәылацәа,
аҭынхацәа. Ҷаԥшьаҩы дыҟамкәа ачымазаҩ дыԥсыр, зегьы рзы
ихьымзӷын, иԥхашьаран.
Аԥсуаа ирҷаԥшьоз ачымазаҩ бааԥси ахәра ӷәӷәа змоуи рымацара ракәӡамызт.
«Ирымҷаԥшьо аԥсы ҳаӷоу димоуп» рҳәон аԥсуаа. Ауаҩы дан
ԥслак хаха-хымш дыкҿарҵон. Арҭ ахаха-хымш рыҩныҵҟа аԥсы
иҷаԥшьаразы, уахынла дахьыгҿаз еизон иқәлацәа, игәылацәа,
иаԥскымҭаны даныҟаз ицҽыжәлоз, шәарыцара еиццалоз, ашьхабназара еиццахьаз. «... Аҩымш- хымш ҳара ҳзын иџьабаахәны
иҳадаҳҵоит, иҳадиҵахьаз иааԥсара, иуаҩра, иџьабаа аҳаҭыраз»5
ҳәа ҳәаны, есуаха аԥсы идтәаланы дырҷаԥшьон, дырхьчон. Ажәа
бжьҳәаҩцәа излархәо ала аԥсы дахьыгҿоу иааир ҟалоит ацгәы,
ахәынаԥ, амаҭ. Урҭ аԥсы ихалар ҟалон.
Аҷаԥшьара ала иԥсыз иахь ирымаз аҳаҭыр, апату аадырԥшуан.
Дара рзы доуҳатә уалны, иҵасны иахәаԥшуан ибаҩ адгьыл иама
рдаанӡа аҷаԥшьара. Аиҩызара, аихаҵгылара зламыз ауаҩы даны
ԥслак, иԥсы абаҩгьы рҷаԥшьомызт.
Аҷаԥшьаразы еизон ашәарыцаҩ ду инышәынҭраҿгьы.
Хаха-хымш иԥсыз ашәарыцаҩ бзиа инышәынҭра иакәшаны
итәон иҩызцәа, иқәлацәа алаф ҳәо, ажәабыжьқәа еиҭаҳәо. Еизоз
иара ицназгоз ашәарыцаҩ бзиақәеи аҽыбӷаҟаза ӷәӷәақәеи ракәын.
Дара агәра ргон ирҷаԥшьоз иԥсы анҭаз иишьхьаз ақәыџьмақәа,
абгақәа ршьа ауразы егьырҭ ақәыџьмақәа, абгақәа ааны ибӷьаҭуа,
ибаҩ ыҵхны икарыжьуеит ҳәа. Убри алмыршаразы акәын аԥсыжра
зырҷаԥшьозгьы.
Анышәынҭра рыхьчон аҵх ашарахьы инеиаанӡа. Иргәала
дыршәон иара ихҭысхьаз, еицырхыргахьаз, ихаара, игәымшәара,
иуаҩра, ажәытә-аҿатә зегьы.
Аҷаԥшьара иатәу аритуал рымоуп адыга хылҵшьҭрагьы. Урҭ
рҿы уи аҵас иахьӡуп «Ҷаԥшь»6.
Алитература
1. Чарая П. Абхазия и абхазы. Газ. «Кавказ».№ 169 // Ш.Х.Салакая. Абхазский народный героический эпос. Тбилиси, 1966, с. 10.
2. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1960, с. 77.
3. Аҩӡба У. Аамҭа ашьаҭақәа. Аҟәа, 2009, ад.148.
4. Зыхуба С.Л. Элементы драмы и театра в абхазском фольклоре // Кавказ: История. Культура.Традиции. Языки. (По материалам Международной
научной конференции, посвященной 75-летию Абхазского ин-та гуманитарных исследований им. Д.И. Гулиа АНА. 26-31 мая Сухум, 2001, с. 589.
5. Кәаӷәаниа В.А. Аԥсуаа рҿаԥыцтә поезиа аиҿартәышьа. Аҟәа, 2010,
ад. 285.
6. Налоев З.М. Этюды по истории культуры адыгов. Нальчик, 2009,
с. 128-140.
Аҽыжәҵара
Аҽыжәҵара – ҽыла сасра иааиз ауаҩы иахь аԥсуаа иаадырԥшуаз
аҳаҭырқәҵара аазырԥшуа аритуалқәа ируакуп.
Аԥсуаа ҳаҭыр рзақәын аҽааӡареи аҽықәтәареи. Аҽҟазара би
ԥарала имырӡкәа иааргон.
Аҽуыра раԥхьа акәадыр ақәызҵоз «знапы мшыз» аҭаҳмада
иакәын. Аҽқәа рзы аԥсуа мифологиаҿы дыҟоуп анцәахәы ҷыда. Уи
Аҽышьашьана ихьӡуп. «Аҽышьашьана» изы аныҳәара мҩаԥыргон
аҽы раԥхьаӡа акәны акәадыр анақәырҵоз.
Ҽыла сасра инеиз шьҭахьҟа даныхынҳәуаз иҽыжәлара иацын
аритуал. Уи «аҽыжәҵара» ахьӡуп.
Асас дызҭааз, иҭааз данҽыжәҵлак, иҽы аӷәра ианкны аҽхыр
ԥарҭахь инаргон. Дыццакуазар, акәадыр ақәырхӡомызт, амгәырх
хақәа иаарԥсыҽны, аԥсы адыршьон. Аџьықәреи ҿырпны иарҭон.
Асас дымццакуазар, аҽы акәадыр ақәырхуан. Аԥхӡы алҵны
иҟазар, абӷа ампахьшьы ықәшьны идырбон. Иганы ааигәа иҟоу ахкаара иҭарҵон.
Асас ицамҭаз, аԥшәмацәа иҽы кәадырны, иааганы аҽхырԥар
ҭаҿы иҿарҳәон. Асас дандәылҵлак, аԥшәма иԥа еиҵбы аҽы аӷә
ра ианкны, иааганы ашҭа агәаҿы иргылон. Асас амгәырххақәа
рҭагылазаашьа гәеиҭон. Ирххатәызар ирххон, иркәадатәызар –
иркәадон. Аҽы акәадыр ақәҵара аԥшәма иакәын изуалыз. Икәа
дырны иргылон аҭаацәара иатәу, изылшо. Аҩны ахацәа аныҟамыз,
аԥшәмаԥҳәыс иаалыԥхьаз, агәыла ҷкәын, аҽы икәадыруан. Уи
аҩыза аҭагылазаашьа аныҟамыз, аҽы ахкаара аҟнытә аԥшәмаԥ
хәыс иаалгон, аха асас ихаҭа икәадыруан. Аԥшәмаԥҳәыс аҽы кәа
дырны ианидылгалозгьы ыҟан, уи ҳаҭырқәҵараны иахәаԥшуан.
Асас уи длеихырхәаны, аҭамзаара шьҭеиҵон.
Аԥшәма исас иҽы кәадырны иааигон. Асас аҽы аӷәра ианкны, аҩны ааигәара иааганы, аӷәра аҿархха иаанкыланы даагылон. Аҽы ашьҭахь аҩны иаирханы аргылара иашамызт, иԥхашьа
ран, уи дызҭаз аԥшәмацәа ҳаҭыр рықәҵашьа дақәымшәеит ҳәа
иазыԥхьаӡан.
Асас аԥшәмацәа «бзиала» ҳәа раҳәаны аҽыжәлара иҽаназикуаз,
инеины иҽышькыл ркуан. Зықәрахь инеихьоу абырг данҽыжәло,
аԥшәма аҽышькыл икуеит. Асаси аԥшәмеи еиқәлацәазар, аԥшәма
иԥа еиҳабы уи иҽыжәҵара азин иауан. Аԥшәма иԥа еиҳабы
аҽышькыл абжьаандақәеи амгәырххақәеи аанкыланы даагылон.
Аҽы акәадыр амахагьы длаханы иааникылон, асас иҽыжәлара
арманшәаларазы. Асас ҩынтә-хынтә «ус ҟашәымҵан, иоушәыжь»
ҳәа аԥсшәа иҳәон. Ус иатәуп аԥсуара, уи аԥсшәаҳәашьа иатәуп,
иақәнагоит. Асас идыруеит ус ишҳәатәу, аха аԥшәмагьы идыруеит
иара ихымҩԥгашьагьы шиашоу, ишҳаҭырқәҵароу. Ари еибапатуран, аетикет аԥҟара инақәыршәаны.
Аԥшәма ахаҵа аҩны даныҟамыз, аԥшәмаԥхәыс уи инапынҵа
қәа лхахьы илгон, еиҳарак асас иқәрахь днеихьазар: дҽыжәылхуан
иаӷәра ҿархха иаанкыланы, аҽы акәадыр ақәылхуан, аԥсы алыршьон, акраҿалҵон, аҳәсҭа иганы иҭалҵон, данцоз иааганы ил
кәадыруан, иҽышькыл кны дҽыжәылҵон.
Аҽыжәҵара аритуал зегьы ирзеиԥшын, зегьы иныҟәыргон,
иахаҵгылон.
Асас дсасын, аԥшәма уи дҽыжәиҵар иара изгьы ипатуун, асас
изгьы. «Аԥсыуала ашькылкра патуқәҵараны, еихаҵгылараны»
иршьон. Асас ҷкәын аиҳабацәа дҽыжәырҵар иуамызт. Аиҳабы уи
дҽыжәиҵарц далагон, аха аиҵбы иуамызт. Асас иқәлаз, ма рацәак
еиҳабымыз ашькыл икуан. Асас данҽыжәҵуазгьы аԥшәмацәа зегьы
дәылҵны дҽыжәырхуан. Арԥарцәа рхала ахьышәҭҳәа иҽыжәҵуан.
Аҽыжәҵра аан ашькыл зкуаз ауаҩы аҽы армарахьтәи аган ала
давагылон. Иарӷьа напала амгәырхха, ма ашькыл ааникылон.
Аҽы ахы цәгьазар, аӷәрагьы иара иганахь ала аҿы иахьаҿаршәу
иааҿарӷәӷәаны иркуан арҭынчразы.
Иҽыжәҵуан арӷьарахьтәи аган ала. Иҽыжәло дҽыжәлоит аҽы
армарахьтәи аган ала. Аха армарахьтәи аган шакәугьы, аӡбахә
анырҳәо арӷьарахьтәи аган ҳәа ауп ишырҳәо. Арӷьарахьтәи аган
ала иҽыжәлаӡом, иԥхашьароуп.
Ауаҩы данҽыжәло иарма шьапы раԥхьа ашькыл икылигоит,
иарма напала акәадыр аԥхьатәи амаха ааникылоит. Иҟамчы иарӷьа
напаҿы икуп. Дҩеиханы данҽыжәло, аҟамчы зку инапы аҽы ахәда
инықәикуеит. Данҽыжәҵуа иарӷьа шьапы ашькыл инкылхны, иармарахь ала дылбаауеит.
Еиҳагьы пату ақәын аԥҳәыс лҽыжәхра, лҽыжәҵара. Ахацәа
ракәын акәадыр ақәызҵоз. Данҽыжәлоз аҟәардә ааганы дықә
дыргылон, лышькыл кны дҽыжәырҵон. Лҽыжәҵра зегьы еиваӷӷа
иаагыланы иахаҵгылон. Арԥарцәа, ахацәа азин рыман, еиҳагьы
ипатуун рызшьамхык арсны агылара. Лара лызшьапык уи ашьамхы инықәыркьысны ахьышәҭҳәа дҽыжәлон. Ас ршьамхы арсны иҽыжәлоз аҭыԥҳа лҽыжәҵара азин рыман уи аамҭазы сас-
ра аԥшәма иҭааны иҟаз арԥарцәагьы, ахацәагьы. Аха еиҳарак уи
«аԥсшәаҳәара», апатуқәҵара зуалыз аҭыԥҳа, ма аԥҳәыс сасра ҳәа
дызҭааны дыҟаз аԥшәмацәа ракәын.
Аизарақәа, аҽырыҩрақәа, ачарақәа рҿы уи аидҽырбалара иа
тәын. Аҭыԥҳа илеиҽырбоз, «лгәы хызхыр», «лгәы зкыр» зҭахыз
лҽыжәлара аамҭа иазыԥшын, иахаҩон, ирымбакәа дҽыжәланы
дцар ҳәа ишәон.
Аҽыжәларахьы лҿаныналхоз, дара неины лҽы аӷәра ркуан, рызшьамхык арсны игылон. Иҟан ианеимаркуазгьы.
Иҽыжәырҵоз, иара иганахь алагьы иааирԥшыр акәын апату
қәҵара, аԥсшәа ахиҳәаар акәын. Аҭамзаара шьҭеиҵон «ауадаҩ
шәаласҵеит» ҳәа ҳәаны. Дҽыжәызхуаз, дҽыжәызҵоз иара иаасҭа
акыр еиҵбызар иаԥсшәаҳәаратә формула хазын. Урҭ реилазаара
ҿы иҟан, иҟоуп абарҭ аԥсшәаҳәарақәа: «Уԥсынҵры духааит!»,
«Уеиҳа зымчу умаҵ иуааит!», «Уеиҳа зымчу ушькыл икааит!», «Аи
ҳабы аиҵбыра узбзиахааит!», «Анцәа уиныҳәааит!», «Рахәы мшы
шәгәараҭа иагымзааит!» уб. иҵ. Асас ашҭа данҭыҵуаз иҵегьы аԥс
шәа иҳәон: «Абас абзиарақәа рзы шәашҭа ауаа аҭаалааит!», «Сас
дахь шәгәараҭа дагымзааит!», «Сасра ишәзааиуа са среицәазааит!»,
«Шәымш аабзиахааит!», «Асас мшы шәгәараҭа дагымзааит!» ҳәа
дрықәныҳәаны дынҭыҵуан агәараҭа.
Арԥарцәа, амаҳәцәа ашҭаҿы аҽыжәлара мап анацәыркуаз
ыҟан, дара рганахь ала уи патуқәҵаран. Убри аҟнытә мап кны, уа
ҳҽыжәлаӡом ҳәа иалагон. Еиҳараӡак аиҳабацәа ааигәа ианыҟоу.
Иҽы аӷәра зку аԥшәма имхны агәашә сҭыҵуеит ҳәа далагон. Аха
аԥшәмацәагьы ируамызт.
Данҽыжәлалак, иҽы ашьҭахь реирханы дцомызт, иҽы ахы наҟ
дааханы, ганшәа ирныҟәо агәашә дҭыҵуан.
Аԥшәмацәа рыбжьы ҩҭыганы иқәныҳәон: «Мҩамш!», «Амҩа
бзиа!», «Анцәа инапы уануп!», «Анцәа духылаԥшааит!», «Умҩа
маншәалахааит!», «Мшыбзиала, ҵхыбзиала уҩны унаӡааит!», «Уа
хьнеиуа ажәабжь бзиақәа уаҳааит!», «Мышьҭабзиала!» уб. иҵ.
Аҽыжәҵара, аҽышькылкра аԥсуара иатәуп. Урҭ аԥсшәаҳәара,
апатуеиқәҵара аазырԥшуа ритуалуп.
Абзиара ззыруаз ауаҩы уи абзиара аҭакс иҳәон «Уҽышькылкра
Анцәа сахьигӡааит!», «Уҽышькылкыҩцәа рацәахааит!» хәа.
Ҽыла сасра иааиз рацәаҩызар, иҽыжәырхуеит, иҽыжәырҵоит
еиҳабы-еиҵбыла, аиуареи аҭахыреи, аеншьеи аеҳәшьаԥареи раз
гәаҭарала ишахәҭоу еиԥш игәеибаҭаны, еибарԥшны.
Аеншьа зегьы раԥхьа ддыргылон, уи ишықәс хатәрамзаргьы,
апатуеиқәҵараҿы еснагь деиҳабын.
Алитература
1. Амҷба Гь. Аусумҭақәа. Аҟәа, 2004, ад. 314-316.
2. Ахархәара рымоуп ажәабжьҳәаҩ Чкотуа Д. иҟнытә анҵамҭақәа.
Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ., нанҳәамза 26.1995 ш. азы.
3. Ахархәара рымоуп ажәабжьҳәаҩ Смыр Џь. иҟнытә анҵамҭақәа.

Ҽгәырханых
Ҽгәырханых – ари ныхахәуп, аибашьыҩцәа ирхылаԥшуеит. Аԥ
суаа агәра ргон Аԥсны еимаҳҵәоит ҳәа аӷацәа анақәлалак ацхырааразы иаҳәар, уи Аныха шырхаҵгылоз, «аҭра иҭыҵны» ишырзаауаз. Ҷыдала Чыгәаа рыжәлантәқәа ирыдҳәалоуп.
Ҽгәырханых ааԥхьашьа. Аԥсныжәлар «рыцҳарак» (еибашьрак
– Ц.Г.) ианақәшәалак «аҩада рхы рханы» абас рҳәон: «Ҽгәырханых!
Улԥха ҳаҭ! Аӷа ир ҳақәлеит, ҳаимҵәара иаҿуп!». Абарҭ ажәақәа
роуп уи Аныха ааԥхьаразы иҳәатәыз. Ҽгәырханых аҭра иҩҭҟьаны,
ижжаӡа иаахалон. Аӷа ир раԥхьа анаҟә харччыла иарлашьцон, иахьцо рымбо еилахаразы. Аха рышьҭахьҟа «уахынлазар ҽынлеиԥш»
иарлашон, аӷа иқәхра, иеихсра арманшәаларазы.
Ҽгәырханых иахьа. Амифқәа изларҳәо ала, уи Аныха иахьа
аҭра иҭатәоуп, иҭыҵӡом, игәааны иҟоуп. Агәаара зыхҟьаз амц ауп.
«Ҽнак аӡәы мцыла даԥхьеит Ҽгәырханых. Аныха ҭыҵын илықәԥшҩықәыԥшын, аха уаҩ дамбеит. Данамба, абни иара зжьаз ихы иласын, дыцҟьа дықәнаҵеит. «Иахьарнахыс сҭыԥ сышҭымҵра» ҳәа
инеины итәеит. Убриаахыс аҭыԥ иҭоуп, рҳәоит.
Ҽгәырханых аԥшра. Ари ныхоуп. Аԥсуаа рҿы иҟоуп «Аныха
ҳбеит» зҳәо. Аныхақәа збахьоу зегьы (урҭ маҷӡам) ирҳәо акоуп:
«Аныха амҵәышә еиԥшуп, иааизыхәхәашәа иҟоуп. «Ахы шәпоуп,
аҵыхәа еиҳа ихьыԥсаауп». Ианныҟәо ацыԥхь ацрыддоит, аб
жьыцәгьа ахоуп ажәҩан анылаго еиԥш»1. Ишаабо еиԥш, Ҽгәыр
ханыхгьы урҭ излареиԥшым ҳәа акгьы иалаҟаӡам.
Амчра аарԥшышьақәа. Уи Афы иацырҟьоуп, ҳәарада. Изжьаз
«ихы иласны дашьуеит». Иара анцәырҵуа ажәҩан дыдуеит, илагоит, имацәысуеит, «анаҟә» ма «аԥҭа» хылоит. Иара уи аҽалакны иааиуеит. Ара иугәаламшәарц залшом Аныхақәа ирызку аҳәамҭақәа
зегьы рыҟны иуԥыло «Аныха агәаара амотив». Иарбан ныхазаалакгьы иагәамԥхо ҟазҵо идыдны иеихсуеит//дашьуеит//, мамзаргьы ааигәа дзымнеиратәы амшцәгьа бааԥсы ҭанаҵоит. Ара
иҟоуп аԥсуа ижәытәӡоу, анимисттә ҟазшьа змоу ихәыцрақәа, иду
неихәаԥшышьақәа.
Ҽгәырханых аныҟәарақәа. Ҽгәырханых Лӡааных ауп изы
ҿцаауа. Ахацәа рсимвол иатәуп.
Иҵегьы. Ҽгәырханых иахҳәаау амифқәа маҷуп. Иҟалап ус баша
ианҵамкәа иӡзаргьы. Аха ус егьа иҟазаргьы, ари Аныха шыҟаз
агәра узырго амифтә ҳәамҭақәа, ирацәамзаргьы, иҳамоуп.
Аԥсуаа аибашьра хлымӡаах ианақәшәалак, итрадицианы иры
ман «ирцәыԥсхьоу зегьы ацхыраара ҳашәҭа ҳәа рыҳәара». «Аны
шәынҭрақәа рҿы инеины, ршьамхқәа арсны, «шәааи, шәҳацхраа»
ҳәа рыԥсцәа ирыԥхьон». Ари еиԥш иҟоу аҭагылазаашьагьы иаҳәо
маҷӡоуп. Аԥсуа аԥсабара аԥсы ахаҵаны, амчра ду аҭаны дша
хәаԥшуаз, ишидикылоз атәы бзиаӡаны иунарбоит. Акырӡа зхыҵуа,
анимисттә хәыцра шьаҭас измоу аԥсуа идин иаҵоу, изықәгылоу
афилософиа ахыҵхырҭа хадақәа ируакуп иара хымԥада.
Ара иҟоуп иара убас, Аԥсы шыҟоу агәрахаҵара. Ацәеи ажьи
ииаӡӡаауеит, аха Аԥсы еснагь аԥсы ҭоуп, амчра иамазгьы маҷӡам,
абас ауп аԥсуаа шхәыцуаз ажәытә аамҭақәа раан, иара иахьагьы.
Даҽакгьы. Ҽгәырханых акырӡа ижәытәӡоу Ныхоуп, Нцәахәуп.
Уи шьақәзырӷәӷәо ракәны иҟоуп Аныха аҟазшьақәа: ауааԥсыра
рааигәа аҟазаара, игәааны ицаны аҭра аҭатәара. Урҭ зегьы ҳәоуп
иҷыдоу емоциак аҵамҵаӡакәа, ауаа ирыдыркылоит изышьцылоу,
рааигәа иҟоу, аха дара раасҭа акырӡа зылшара еиҳау, зыда ԥсыхәа
ыҟам убри азы ҳаҭыр зықәҵатәу акы акәны.
«Ажәҩан анылаго Аԥааимбарцәа ныҟәоит» рҳәоит аԥсуаа.
Алитература
1. Иҳәамҭоуп Габниа Смаил. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
22.09.1994 ш. азы.
2. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. VII атом. Атом еиқәлыр
шәеит, акьыԥхь иазлырхиеит, аԥхьажәеи азгәаҭақәеи лҩит Ц. С. Габниа.
Аҟәа, 2002.
Ҿаҭара
Ҿаҭара – ачымазара аӡәы даныхҭанаклак, ма дахьынҭыҵуа
лассы- лассы деиқәымшәо даналагалак, мамзаргьы иуа-иҭынха
хара ицаз деибга-дызҩыда даарц азы аҭаацәара иреиҳабу ахаҵа,
ма аԥҳәыс рыбжьы ныҭганы рхы иадырҵо аус шынарыгӡо ҳәа
«аҿаҭара, мамзаргьы «ажәа аҭара» иҟарҵо аритуал иахьӡуп.
Аԥсуаа ауаҩы ихьуа ачымазарақәа, ма иусқәа рҿы ашьақә
ҟьарақәа иԥыло зегьы зыхҟьо ачымазарақәа рынцәахәқәа, ма
егьырҭ амчрақәа, зыԥсхәы рымуз рыԥсқәа рҿаԥхьа ирыду ахарақәа
роуп рҳәоит.
«Ажәҩан аҟнытә иааиуа амчра дуқәа» рҿаԥхьа ахара ауаҩы идзарц шалшо аԥсуаа агәра шыргоз атәы аҳәоит, иахьагьы аԥсуаа
аԥсшәа анеибырҳәо рхы иадырхәо аԥсшәаҳәаратә формулақәа
руакы. Ааигәа еибамбацыз ҩыџьа анааиԥыло еиҳа қәрала еиҳабу
дҵаауеит: «Ушԥаҟоу, дад?» « Хар сымам!» – иҳәоит егьи.
Ажәа «хар сымам» иаҵанакуа», амчра дуқәа рҿаԥхьа хара сыдым ҳәа ауп. Ус анакәха «агәабзиарагьы ҟалоит, аусқәагьы ман
шәалахоит»1.
«Ачымазаҩ ӷәӷәа дызмоу егьа хәшәы-быӷьшәы идыргаларгьы, ихы абзиара ашҟа имырхар, иҭаацәа аҟәыдырԥацәа, аԥшцәа,
аҵааҩцәа ирышьҭалон. Урҭ ичымазара зыхҟьаз «имшшьара ахьеилеигаз азы» ауп ҳәа рарҳәон»2. Ачымазаҩ дыбзиахоит «ашьтәа
ашьа ухьӡала ишкасҭәо» ҳәа Амчра ду иҿаԥхьа ҿа шәҭиир ҳәа рабжьаргон. Даргьы ҿа рҭиуан ус шыҟарҵоз азы.
Аҿа зҭииз, аҿа азҭоз ииҳәо, хымԥада, инеигӡар ауп.
Иахьа ари ажәа еиҳа рхы иадырхәоит аразҟы иадҳәаланы. Азӷаб
«аҿа лҭиит», «аҿа лҳәеит», «аҿа лдырҳәеит» анырҳәо иаҵанакуа
арԥыс аԥсҭазаараҿы ҩызара изура дақәшаҳаҭхеит ҳәа ауп. Ара
ҟагьы уи «аҿа илҭииз» еилалгар ҟалаӡом. Ажәеицааирақәа «аҿа
лҳәеит», «ажәа илҭеит» ҵакыла еиҟароуп, иаанаго акы ауп.
Алитература
1. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1960, с. 76,77.
2. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Гәдоуҭа араион, Џьырхәа ақ., 22.06.1999 ш. азы.
Ашьха
Ашьха – иԥшьоу, амчра дуӡӡа змоу Ԥааимбар ҭыԥуп ҳәа аԥсуаа
ирыԥхьаӡоит. Ашьара-зара аҭахуп.
Ашьха уцәажәалар ауп абна бызшәала. Уа ацәҳара, агәамҵра
ҟалаӡомызт. Уцәа хтны ажәҩан иаурбар ҵасмызт. Агәам акажьра,
аҭыԥқәа рыҟьашьра ашьха аргәаауеит, амшцәгьа бааԥс ҭанаҵоит,
анаҟә лаҟәӡаны ихылоит ҳәа азырԥхьаӡон.
Хаҵеи-ԥҳәыси ашьха еиццар, уа иаҵаԥхьар ҟаломызт. Дара-дара еизхәыцыргьы амцқьара иадыркылон. Аԥҳәыс лыӡбахә
рҳәомызт, рыгәгьы дҭадыршәуамызт.
Ашьха аԥсы анышә дарҭаӡом. Ибаҩ анышьҭырхуа иныҳәоит. Уа
ишыҟаз иԥсыз, ацә ацәа ахыхны дылаҳәаны, акыр дышьҭыхны,
иҳараку ҵлак аҿы ибаҩ кнарҳауан.
Ашьха иазкны аныҳәарақәа хынтә имҩаԥыргон: шьхацан,
шьхабжаҳәын, шьхалбаан (рахәеилцан). Иныҳәон ашьтәа шьны.
Шьхацан, «Ашьха иахылаԥшхәу, ҳуҳәоит ҳарманшәал, машәыр
да ҳҭыԥ аҿы ҳнеиратәы уҳацхраа!» ҳәа иныҳәон. Шьхабжаҳәын,
«Гыгшәыг ҳадумгалан, адгьыл алԥха ҳаҭ!» ҳәа агәаҵәа ркуан.
Шьхалбаан, «ҳурманшәалеит, ашьха иахылаԥшхәу, абас машәырда,
ҳаибганы ҳахьурчаз азы агәаҵәа ҳкуеит» ҳәа иныҳәон.
Агәыԥ аҿынтә шьоукы шәарыцара ианцалак, егьа инхаргьы,
иаанӡа рҭыԥ аҿы ацҭәа ҟарҵомызт, ала иасны ирыԥҟомызт, ҷанҷаны еицәҳауамызт. Амшшьара иақәыршәаны шәарыцара ицар
ҟаломызт, ицаз еибганы изыхынҳәуамызт.
Чыкәбарки Абараски уи аҵас 1960-тәи аш. рзы еиларган ашьха
иҭахеит ҳәа ажәлар иахьагьы ажәабжь рҳәоит.
Ашьха уара иутәым малк уахаҳаргьы, ишьҭухыр ҟалаӡом. Абас,
Гагратәи ашьхеибаркыра иаҵанакуа Ҽгәырханых аҭыԥ азааигәа
ра аӡәы ашьха зҭаз аӡахәа хҵәаны, ишьапы иадҳәаланы ирҳәазо
дшааиуаз, Ҽгәырханых аԥхьа даакылсит. Ҽгәырханых ахь ихы нарханы: «Сара изгом, сшьапы ауп изго, саҭаумҵан!» – ҳәа аныҳәара
далагеит. Аха уи игызмалра аныха иҵнахын дакит. Ԥхьаҟа дзымцо
даақәхеит. Агәаԥхара иоун, иаҳәызба ааҭиган, имгәа иааҭишьит.
Икьатеи иааҭыҵыз алахәмарра дшаҿыз иԥсы ааихыҵит.
Ашьха иахьтәаз аҭыԥ рнымаало иалагар, ачашә ҟаҵаны, аҭыԥ
иахныҳәаны ирфон. Уи аҵас «аҭыԥ арразра» ҳәа иашьҭан.
Гәнырхәа уҩаӡаанӡа Чашәчара ҳәа захьӡу аҭыԥ ыҟоуп. Жәытәнатә
аахыс уи аҭыԥ аҿы инеиз зегьы чашәла иныҳәон. Уи азы ауп иаргьы Чашәчара ҳәа ахьӡ захылаз.
Ашьха «Иахылаԥшхәу» ҳәа аныҳәара амҩаԥгараан иныҳәо аҭа
ҳмада цқьа иоуп.
Ашьха иҟоуп ашьамаҟа зынӡа зааигәара инарышьҭыр иҟамло
аҭыԥ ԥшьақәа. Ус иҟоу аҭыԥқәа ируакуп Аҵыҭәахә.
Алитература
1. Чурсин Г.Ф. Материалы из этнографии Абхазии. Сухуми, 1956,
с 42 – 43.
2. Альбов А. Описание новых видов растений найденных в Абхазии в
1989–1890 гг. ЗКОРГО. КН. XVI, с. 145, 146.
Ашьаҳаиҭра
Ашьаҳаиҭра – аԥсуаа, аԥсылман дин жәытәла еиҳа иадҳәалаз
изларҳәо ала, Аллаҳ ҷыдала дызхылаԥшуаз, акраамҭа Аԥсцәа
ҳа зааигәара днеимышьҭуаз ауаа цқьақәа, џьанаҭ агылара зҽа
зыҟазҵоз рҭагылазаашьа ауп.
Акыр зықәрахь инеихьоу, ауаацқьақәа, аԥсыцқьақәа роуп ашьа
ҳаиҭхара Аллаҳ изанаишьо рҳәоит ажәытәуаа. Урҭ ӡыда акгьы
рҿахьы инарымгаларгьы акыраамҭа иԥсӡом. Рцәеи-ржьи еилы
ԥхаауа, рхы-рҿы лашаӡа, рыблақәа цқьаӡа, рааигәа иҟоу ирылҷ
ҷаауа иҟалоит.
Ауаҩы идагьы ишьаҳаиҭхар ҟалоит аҵлақәа. Урҭ рахьтә Ашьа
ҳаиҭхара Аллаҳ изанаишьаз Аџьҵла ауп. Ажәлар рҿаԥыц рҿиамҭа
«Аџь шьаҳаиҭхеит» асиужет излаҳәо ала, ҽнак хҩык аишьцәа амҿы
ԥаҳҟоит ҳәа абнарахь ицеит. Аџьҵла хҵәаны мҿыс иргар рҭахын,
ахьархь иадырхеит, еиҭа иадырхеит, аха ахьархь ацқәа ирымкит,
иаламлеит. Нас аиха аарган ирҟьеит, еиҭарҟьеит, аха аџьҵла иаламлеит. Аиха ахала аҿы аҩада ихон иаразнакы. Аихагьы иаҭахымхеит
уи аԥҟара. Иҟарҵахуаз, ихынҳәны иааит аҩныҟа.1
Адырҩаҽны инеизар, агәы хаххала икажьын. Игәырӷьеит, «ҳма
ншәалахеит» рҳәеит. Ахьархь наганы ианыладырха, ашьапы иҩы
қәгылт. Иҟалаз џьаршьан ҵаара ицеит. Иахьнеиз, «уи шәалам
кьысын, ишьаҳаиҭхеит» ҳәа рарҳәеит.
Аԥсны ишьаҳаиҭу аҭыԥқәа маҷымкәа иҟоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Абас
Аҷандара ақыҭан аӷшҵлақәа ахьеилагылоу аҭыԥ «Шьаҳаиҭ ҭыԥуп»
ҳәа азырҳәоит.
Зны ҷкәынцәақәак урҭ аӷшҵлақәа ашәақь рықәкны иреихсит,
аха ахы рыламлаӡеит. Ахы ахьрыцәхасыз ацәҟьарсҭа ҭыԥқәа рҿы
ахш ааит ҳәагьы рҳәоит2.
Алитература
1. Иҳәамҭоуп Ҟалӷьы Ҳалиҭ. Ианылҵеит Ц. Габниа. Абӷархықә ақ., 1982 ш.
азы.
2. Ахархәара амоуп Базба Хбыб-иԥа Маџьыҭ иҳәамҭа. Ианиҵеит Г.У.
Смыр. Абӷархықә ақ., 15.07.1969.
Ашәҵла
Ашәҵла – аҵла ԥшьақәа ҳәа изышьҭоу иреиуоуп. «Аныхақәа
ашәҵла бзиа ирбоит», – рҳәоит аԥсуаа. Аныха тәарҭас иалнахыз
аҭыԥ аҿы азҳара иалагоит. Дыдрыԥшь аныха тәоуп Аҷандара ақыҭа
иахагылоу ашьха ҳаракыра ақәцәан. Ашьха аҳаракыраҿы еихыкеиҵыкны аԥшьаҭыԥқәа рацәаны иҟоуп. Ҭыԥцыԥхьаӡа ирызҳауеит
аҵлаԥшьақәа. Аныха атәарҭа ашьапаҿы иҟоуп ахьацара, иҩахыкны
иҟоу аныҳәарҭа ҭыԥ аҟны инашьҭуп ашәра.
Ашәра ҭыԥқәа еиужьны иахьыҟоу аԥсуаа аныҳәарақәа мҩа
ԥыргон жәытәнатәгьы. 1959 шықәсазы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа
ҭҵааратә институт аусзуҩцәа Тҟәарчал ақалақь иаҵанакуаз аҭыԥ
қәа рҿы аекспедициа анымҩаԥыргоз ашәҵлақәа рыҵаҟа иры
ԥшааит аныҳәарҭа ҭыԥқәа1.
Џьгьарда ақыҭа иатәу аҳабла Чагьам иахагылоу Ԥанаҩ ашь
ха 1200 метр иҳаракуп. Уи хҟьоуп ашәҵлақәа рыла. Ара тәарҭас
иаман Қьач-ныха. Қьач-ныха ааигәара Абжьыуаа имҩаԥыргон
аныҳәарақәа, уа иқәуан аиаша шаҳҳәо ҳәа, арҳәцәа, аӷьычцәа аныха иарҭон.
Ақьырсиан динхаҵара Аԥсны аларҵәара анцоз аамҭазы, аныха атәарҭа ааигәара иргылан абаажә. XVI ашәышықәсазы абаажә
еилаҳауеит. Қьач-ныха атәарҭа, аԥшьаҭыԥ шыҟац иҟан. Амчра
агәра згоз, ныхахәыс измаз ажәлақәа (Џьапуаа, Коӷониаа…) есы
шықәса уахь ихаланы иныҳәон, иахьагьы Џьапуаа рыжәлантә
Ԥанаҩ ихаланы иныҳәоит. Қьач-ныха атәарҭа аҭыԥ Ашәбаарха2
ҳәа иашьҭоуп.
Ашәҵла аԥсуа фольклор аҿы имаҷымкәа иуԥылоит. Уа, уи аԥсы
ахоуп, ицәажәоит, ауаҩы дахьчоит, ашәарыцаҩ ашәарыцашьа
инарҵоит. «Ашәарыцаҩ арбаӷь дшарҟәыӷаз» захьӡу алакә аҟны
ашәарыцаҩ амаҭ иабзоураны бызшәас иҟоу зегьы идыруа дҟалоит.
Ҽнак абна дылаланы дышнеиуаз, ашәҵла ақьбжьы иаҳауеит.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Амифи аритуали - 13
- Büleklär
- Амифи аритуали - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3580Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3626Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3670Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3629Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3610Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3600Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3603Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3565Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3578Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3672Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3649Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3599Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3028Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.