Latin

Амифи аритуали - 11

Süzlärneñ gomumi sanı 3603
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2191
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аӡын ауп ианыркуа. Фатәыс иамоуп аџькакал, ахьа, араса, акакан, абынраса. Аҳәынаԥқәа акуеит, ибааны иҟоу ашәарахжьгьы
еиҩсӡом. Аӡынхәы аҵәахуеит.
Аԥсуа шәарыцацәа, ацыӷҳацәа цыӷҳара рцара иаҵанакуаз
ацыӷқәа рыкразы ацәҟьақәа рҳара, рарсра акәын. Дара изышьҭаз
ацыӷцәа акәын, убри аҟнытә ацыӷ еихсыр ацәа ԥхасҭахоит
ҳәа ишьаны еихсӡомызт, шамахамзар, ацәҟьақәа рыла иркуан
акәымзар.
Ацыӷкыгақәа: арыԥҟьа, ашьҭаҳа, ақәҳа, абжьындаҳа, амаҭәа
хшьа//амаҭәа кнаҳа, ашыш, аиқәаҳа, арагәа, арысаҟә, ақыдра, аҟыра.
Ацәҟьа иакыз ацыӷ анырбалак: «Анан улчеит (ацәыш, агәаҷ,
аԥашьышь)! Анан ахәымш лыргәыгәт, уначаны, иаарча», рҳәон бна
бызшәала, насгьы аӡәы «иаага» ҳәа ианидырҵозгьы. Уи иаанагоз,
«Анан удырҩатә еиӷьылтәааит, ацыӷ ацәҟьа иакын, абнаҟа иаҿоуп,
унеины иааг!» ҳәа акәын.
Ацыӷ ацәа акәын аус здырулоз, ажьы, ацәа зхырхыз ахәамц
ржуан хара иганы. Адәаҿы ацәа ҟьантазӡа иқәхар, ма иаанужьыр
«амышьҭа уакуеит» ҳәа ирыԥхьаӡон.

Ацыӷҳацәа ацыӷкыгақәа анырҳауаз, ацәҟьақәа андырхиоз
рхатәы ԥхьаӡагатә ԥхьаӡагала иԥхьаӡон, рхатәы ԥхьаӡаратә фор­
мулақәа рыман. «Хыԥхьаӡарак иахьӡуп ҩажәа, аха ҩажәа хыр­
кәшаны иҟарҵаӡом – акала еиҵазар, ма еиҳазар акәын. Ианеи­
ҵоу «хыԥхьаӡарак зымнаӡо» рҳәон. Уи иаанагоз зеижә ракәын.
Хыԥ­хьаӡарак инеиҳаны ианырҳәоз, ҩажәиак ыҟазар акәын.
Ҩ-хыԥхьаӡарак – ҩынҩажәа ракәын, аха «ҩ-хыԥхьаӡарак зымнаӡо»
анырҳәоз, ҩажәи зеижә акәын иаанагоз. Ҩ-хыԥхьаӡарак инеиҳа­
ны» – ҩынҩажәа акы. «Хыԥхьаӡарак хԥа ацны» анырҳәоз – ҩажәеи
хԥа ракәын, «Ҩ-хыԥхьаӡарак хԥа ацны» – ҩынҩажәи хԥа ракәын.
Убас акәын ишырԥхьаӡоз ацыӷцәақәагьы, акыгақәагьы.
Ацыӷҳацәа ацыӷ цәақәа анырҭилак, ирхашәалаз аԥара еиҟара­ны
иалахәыз зегьы ирзыршон.
Алитература
1. Хьециа Ан. Ацыӷҳара алексика аԥсуа бызшәаҿы // «Алашара». Аҟәа,
2007, № 6, ад. 149-169.
2. Шьынқәба Б.У. Ахьырҵәаҵәа. Аҟәа, 1990, ад. 162.
3. Иҳәамҭоуп Хьециа Џь. Ианиҵеит Ан. Хьециа. Калдахәара ақ.,
1988 ш. азы.
4. Аԥсуа жәаԥҟақәа. Еиқәиршәеит Хә.С.Бӷажәба. Аҟәа, 1983, ад. 49.
5. Аж. «Ашколи аԥсҭазаареи». Аҟәа, 1991, № 6, ад. 43
6. Иҳәамҭоуп Рамиз Барцыц. Ианиҵеит Ан. Хьециа. Блабырхәа ақ.,
1991 ш. азы.
7. Иҳәамҭоуп Қаџьаиа Ҳаруан. Диит 1924 ш. Ианиҵеит Ан. Хьециа. Ара­
саӡыхь ақ., 09.02.1980 ш. азы. // Алашара, 2007, № 6, ад.166.
8. Иҳәамҭоуп Џьамфер Селым-иԥа. Ианиҵеит Ан. Хьециа. Бзыԥҭа ақ.,
Аҭыӡҭа аҳаблаҿы. 21.06.1982.
9. Иҳәамҭоуп Шьынқәба Апаллон. Ианиҵеит Ан. Хьециа. Аҟәа, 22.04.
2007 ш. азы.

Ацҳахҵара
Ацҳахҵара – аԥсуаа ахаҵа иԥсҭазаараҿы ихадоу иуалԥшьа­қәа
ируакны ирԥхьаӡоз, Нарцәымҩа данықәло ихәо, Џьанаҭ инеира
иацхраауа иԥшьоу ҳәа ирыдкыланы изықәныҟәоз, имҩа­ԥыргоз
аритуалқәа ируакуп.

Аԥсуа хаҵа иԥсҭазаараҿы шаҟа инапала, ихатә џьа ала ацҳақәа
рацәаны ихиҵо аҟара иԥсҭазаара иқәманшәалахоит ҳәа иԥхьа­
ӡан. Убри аҟнытә «ацҳахҵара» даара пату аман, «ацҳахҵаҩцәа»
ҳаҭыр рықәын. Ақыҭақәа рҿы рыхьӡи рыжәлеи еидкыланы ирҳәон
«ацҳахҵара» бзиа избоз ауаа. Ацҳахҵаҩцәа ыҟан қыҭацыԥхьаӡа.
Еиҳа еиӷьны ихырҵаз ацҳа рыхьӡ аххалон, мамзаргьы иахырҵон.
Ацҳа хкқәа. Аԥсуаа ирдыруеит ацҳа хкқәа рацәаны. Иҟан аҵ­
лацҳақәа, ацҳаҵәры, амҿтәыцҳақәа, аҵаацҳақәа, аихацҳақәа,
ацҳачаԥақәа, ацҳакнаҳақәа, ацҳаԥақәа, аӡахәацҳақәа, ацҳашшқәа
(ашшыцҳақәа), алабацҳақәа, ақдыцҳақәа, абыцацҳақәа, ахьтәы­
цҳақәа, арахәыццҳақәа, аҳацҳақәа - ахаҳәцҳақәа уб.иҵ.
Ацҳақәа ахьхырҵоз. Ацҳақәа хырҵон аӡиасқәа, аӡкәарҷҷақәа,
аиҩыхаақәа, иара убас аиасра, ма ахыԥара ахьаҭахыз аҭыԥқәа рҿы.
Ацҳахҵара аԥсуа культура иахәҭакуп. Ацҳахҵара иазыман­
шәалоу ауаҩы имшьҭа бзиоуп ҳәа дыԥхьаӡан, пату иқәын, дымшын, «ҩыџьа ахьеидтәалоу днеир ихаҵгылон».
Ауаҩ ҟәыш, ауаа рыбжьацәажәара, реинраалара зылшо изы аԥ­
суаа ирҳәоит «уи дыцҳаны дҳамоуп» ҳәа.
«Ауаҩы иԥсҭазаараҿы шаҟа ацҳақәа рацәаны ихиҵо аҟара
Нарцәымҩа иқәлара аамҭа анааилак ихәоит. Уи сабаԥуп, рҳәоит
ажәабжьҳәаҩцәа аӡәырҩы1.
Нарцәы иахҳәаау амифқәа изларҳәо ала, здунеи зыԥсахыз
ауа­ҩы Нарцәыҟа данцо дықәсроуп Нарцәыцҳа. Уи дықәымскәа
Нарцәы дызнеиӡом. Нарцәыцҳа ақәсра иара изы ԥышәарак
иаҩызоуп. Далҟьар, иҵаҟа иҟоу, агәгәаҳәа аӡымца еилашуа да­
лаҳауеит. Уа иалаҳаз Џьаҳаным гыларҭас иоуеит. Ацҳа изықәсыз
Нарцәы, џьанаҭ днеиуеит.
Зыԥсҭазаара иалҵыз ауаҩы аӷәеицарса дықәҵаны дыркәа­
бон. Иара анышә данарҭалак, дызқәыркәабаз аӷәеицарса ааигәа
иҟоу аӡкәарҷҷа цҳас ихырҵон. Аӷәеицарса хырҵар ҟалон ауаа
иахьриасырҭаз, амҩаду ахь унеиаанӡа, амҩаду аӡы анымларц
азы иавырдоз ажрақәа, аҩаршьҭра иаҩызаз арӷза цәаҳәақәа
рҿы, мамзаргьы аӡыхьқәа ирыцрыҵуаз аӡқәа зҭаланы илеиуаз ажра хәыҷқәагьы. Уи шаҟа ауаа рацәа ықәсуа аҟара бзиоуп
ҳәа иԥхьаӡан. Аӷәеицарса ахаангьы наҟ икарыжьуамызт, иқәсуа
ашьапқәа идырхар акәын. Ари ацҳа иахьӡын «аӷәеицарса цҳа
хәыҷы».

Афольклор аҿы ацҳа амотив рацәаны иуԥылоит. Нарҭаа
раншьцәа Елдызаа раӷацәа ԥҭа дук иҭыҵны, абҩатәы цҳа иқәсны
ирықәлон. Урҭ Ххәыцаа рыжәлан. Уи ацҳаҿы ауп Елдыз Шьаруан иаб
дызшьыз Ххәыцаа дахьрабашьуа. Уаҟа уи х-хаҵарак ааирԥшуеит.
Абҩатәыцҳаҿы ауп адоуцәа рҭархарагьы ахьзалыршахо2.
Нарҭ Сасрыҟәа ихаҭа хьыӡрацара данцо дықәсуеит ацҳа. Уи
ахаҳә-цҳа ауп. Ахаҳә-цҳа ахьху аҭыԥ даара ишәарҭа ҭыԥуп. Уахынла ула ацәашьы ҭаркызаргьы лашарак убо иҟаӡам. Сасрыҟәа
хьыӡрацарантә дхынҳәны данаауа уи ацҳа дықәсны ауп аҩныҟа
дышнеиуа. Ацҳа ибла иабо иҟаӡам, лашьцароуп. Иԥҳәыс, Аергьаа раҳәшьа-ԥшӡа, усҟан лнацәкьыс ауада дахьыҩноу ахышә
инкыллырҳәҳәоит. Иахылҵуа алашара Сасрыҟәа имҩа арлашоит,
иаргьы ацҳа даақәсуеит деибга-дызҩыда. Уи ус ишыҟаз рдыруан
иашьцәагьы. Аҽыԥныҳәа ирҭо ианалага, мап ацәикуеит лыцхыраара. Уи иахҟьаны уахык иҽгьы иаргьы ацҳа иалҟьаны иҭахоит3.
Ацҳаҿы ауп аԥсуа миф аперсонаж хадақәа ируаку, аӡқәа рын­
цәахәы Ӡыӡлани арԥарцәеи реиԥылара, реиқәԥара ахьы­мҩаԥы­
суа. Ӡыӡлан дызчычоу имшәаӡакәа аҵх лашьцазы ацҳа иқәланы
зҿаазхо ахаҵа еибага иоуп. Ацҳаҿы ауп ахаҵа дылиааины, лымчра злоу лыхцәы шьыҵәрак хҵәаны иганы, «уашхәа мақьаԥсыс»
ахьылирҳәо4.
Аиасырҭақәа, аҩхаақәа зегьы цҳара руеит. Абжьаратәи ашәы­
шықәсақәа рзы аҭоурых-фырхаҵаратә ҳәамҭақәа рперсонаж ха­
дақәа руаӡәк Инаԥҳа Кьагәа Аԥсны иақәлоз арҳәцәа дрыхьӡарц азы
ацҳа ахҵара ахьаҭахыз, аха иахьхымыз, аҩхаа дыууааӡа дахыԥон.
Уинахыс имҩа аатын, аиааира изыԥшын, ԥынгылас иҟаз – иара
ахыԥара акәын.
Уи иҟазшьақәа злаз Кьахь Ҳаџьараҭи, Ҳаџьараҭ иаӷа Ӡаԥшь-иԥа
Омари еиҿасуеит аӡы ахықәан. Ажәлар рыхьчаҩ иара уа аиааи­ра
игоит.
Ауаҩы душьхьазаргьы, амҩақәа рыцқьо, амҩахәасҭақәа ылухлар, аӡқәа ацҳа рхуҵалар, Анырцә аҽны иҟоуҵахьоу ацәгьарақәа
уанахоит5.
Ацҳа азы асимволра зуа амаҭәарқәа иреиуоуп амаҟа. Аԥсуаа
Нанҳәа ауха аԥхыӡ-мшы збар зҭаху ихаҿы амаҟа кнеиҳауеит. Уи
Нарцәыцҳара зуа амаҟа дықәсны иԥсхьоу иуак уаха Нанҳәазы
даауеит. Иара уи аԥхыӡ-лабҿаба иирбоит, иҟалараны иҟоу атәы

иеиҳәоит. Ашықәс аҩныҵҟа дычмазаҩхозар, амаҟа аҿацәқәа руак
алада илеиуеит, аха зынӡа икаҳаӡом. Ус акәымкәа, амаҟа алыҩрны
икаҳар, изтәу дыԥсуеит.
Алитература
1. Шамы Минака, Чкотуа Дикран, Бебиа Маисеи рҳәамҭақәа. Ианыл­
ҵеит Ц.С. Габниа.
2. Нарҭ Сасрыҟәеи ԥшьынҩажәи зежәҩык иара иашьцәеи. Апсуа жәлар
репос. Еиқәдыршәеит: Инал-иԥа Ш.Д., Шьаҟрыл К.С., Шьынқәба Б.В. Аҟәа,
1962, ад. 142.
3. Иара уа, ад.168.
4. Иҳәамҭоуп Чкотуа Дикран. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
1994 ш. азы.
5. Илҳәамҭоуп Шамԥҳа Минака. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
1981 ш. азы.

Ацқьа ныха
Ацқьа-ныха – Ачааи, Адлеиааи, Инаԥшьааи рныхахә ауп. «Аԥ­
хьагыла» ҳәа ахьӡ ҷыда амоуп.
Арҭ ахжәлакгьы ажьира рықәӡам, «Ацқьа ныха» ауп изым­
ҵаныҳәо.
Ари аныҳәа еилахәны акәӡам ишымҩаԥырго, хаз-хазы ауп.
Амала, жәлакы иатәу еилахәны имҩаԥыргоит, араҳахә инеиҭакааиҭакуа еимырдоит. Аныҳәа мҩаԥыргоит есышықәса. Ашықәсан
араҳахә зду заанаҵ иарҳәоит, иаргьы ишаԥу еиԥш иҽазыҟаиҵоит.
Меигӡарахда «абысҭа», аџьықәреи леиҵоит, ихала иҭеигалоит, аҩы
ҭеиҭәоит. Аҩы зҭеиҭәо аҳаԥшьа хазы иалхны имоуп. Уи «Ацқьаныха аҳаԥшьа» ҳәа иашьҭоуп.
«Ацқьа-ныха» ҳәа ианныҳәо ашьа карҭәаӡом, иадыргало афатә­
гьы чгьахьоуп.
Аныҳәара мызкы шагу зыҩны иҟалараны иҟоу хықәкыла аҽеи­
дкылара далагоит. Амаҵурҭаҿы аҩнаргәы абжа аҵкыс инеи­ҳаны
иҭжааны, ҿыц анышә ҭаԥсаны еиҟареитәуеит, нас икәаҳауеит. Уи
аҭыԥ «амгьал-цқьа» аӡырҭа аҭыԥ акәхоит. Аԥшәма ихаҭа иааи­
хәоит анарма ԥшқа, ма ачыҭ маҷымкәа. Аџьықәреи рлагон «алу-

цқьа» аҿы. Алу ахьыкҿарҵо аҭӡывреи ааигәа игылоу ацәардаӷәи
ачыҭ ала ихырҟьоит. Алу ҳәа рхы иадырхәо ирымкыц ауп. Уигьы
«алу-цқьа» ҳәа иашьҭоуп. Алугьы нармала, ма чыҭла иҭалаҳаны
иҟарҵоит. Ус изыҟарҵо илаго алу иаҿыҵуа ашыла камԥсарц
азы ауп. Аха уи азы мацара акәӡам ус ззыҟарҵо, ҳәарада. Алу уа
иахьынӡакҿоу хәаҷак, ма шышкламск ааигәа инеир, иаҿалар
ҟалаӡом. Алу иакәдыршаз урҭ рҿынтә иахьчоит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Арҭ аҽазыҟаҵарақәа анцо Мшаԥымза аҩныҵҟа ауп. Аны­ҳәа­
рагьы мҩаԥыргароуп ари амза нҵәаанӡа.
Амҩаԥгашьа. Иаҳҳәап, иааҳгап арҭ ажәлақәа руак – Адлеиаа. Сабшак аҽны, Адлеиаа ирыжәлантәу зегьы – дхаҵа, дыԥҳәыс
иахьыҟазаалак араҳахә зду игәараҭаҿы еизоит. Хаҭала иақәым­
шәаз «аныхахә ахәы неиҭиир ауп ацәашьы нақәҵаны»1.
Аижәлантәқәа ирыцны инеир ҟалоит рҩызцәа, рықәлацәа. Урҭ
хәмаруеит, акәашарақәа рхы рыладырхәуеит, амала аныҳәара
иалам.
Еизаз аижәлантәқәа аҵх ҟьаҟьаӡа иаашаанӡа аҷкәын, аӡӷаб ҳәа
еилых ҟамҵакәа, «рҽеиҩыхуа», ҩыџьа-ҩыџьала алу цқьа дыргьежьуеит, илагоит. Илаго лагоит, егьырҭ заанаҵ ирмазеиз аҩнаргәы
азбжак аҿы аухантәарак «ҵәаҟьалеи фархьлеи» амца еиқәҵаны
анышә ӷәӷәала идыршуеит. Ишны иҟоу адгьыл ирымкыц ҩымсагла
ирԥссоит. Аҩымсаг ахәҵәы маркан шкәакәала иҭаӡны иҟарҵоит.
Анаашалак, аҵх зегьы ирлагоз «абысҭа» иалхны амажәа ркәа­
ҳауеит. Уи зегьы мгьал дукны идырмазеиуеит, зныкала ирӡуеит.
Амгьал зӡуа «амгьалӡцәа» ҳәа ирышьҭоуп. Урҭ зегьы рзы анарма,
амыркан, ма ачыҭ иалху аԥыраҳәақәа рӡахуеит. Амгьал анырӡуа
арҭ аԥыраҳәақәа ршәызароуп. Амгьал ӡны ианҽҳәырхлак, ссассала еиҟараны ирссо иԥырҟоит, инаганы аишәачара иқәырҵоит.
Аныҳәаҩ зегь раасҭа заҳаҭыр ҳараку иоуп. Уи дааины аишәа
даахагылоит. Аишәаҿы ҭӡыцыԥхьаӡа рыхьӡала иааргаз ацәашьқәа
ықәуп. Аныҳәаҩ руак аалхны, амца наркны абас дныҳәоит: «Уа,
ацқьа-ныха! Улԥха ҳаҭ, угәаԥха ҳаҭ! Адлеижәла дахьыҟазаалак
дум­ҵаныҳәоит, ражәцәа жәра шкәакәа роуа, рыҷкәынцәа насыԥла
еиқәшәо, уаала ибеиахо, рыӡӷабцәа ахьыҟоу иадбзиалахо. Уа, шьарда зымчу ҳныхахә! Улԥха ҳаҭ, угәыԥха ҳаҭ!»2.
Икәшаны игылоу аижәлантәқәа зегьы «амин» рҳәоит.

Уи ашьҭахь, аныҳәаҩ ҽааны ари аныҳәа зыҩны иҟалараны иҟоу
араҳахә ииҭоит. Ацәашьы наганы ииркуеит. Уинахыс, уа игылоу
аҳәсахәыҷқәа ицырхырааны ацәашьқәа зегьы амца ддыркуеит.
Ацәашьқәа анадырклак акрыфарахь ииасуеит. Афатә хар­
ҟьаӡам, иахәҭоу ауп иадгалоу: «ацқьа-мгьал», «ацқьа-ҳаԥшьа»
иҭырхыз аҩы, ауҭраҭых. Аҩы еимакны иржәӡом. Зцәа азна
зжәыз, зшьапы изықәымгыло, ибӷаӷо ирбаз ҳаԥыхьа уажәааны
«ацқьаныҳәарахь» днарышьҭӡомызт. Аижәлантәқәа крыфаны
еимпны ицомызт. Аҽ­қәа дырыҩуан, аҽырхәмарра ҟарҵон. Џьоу­
кы ахаҳә дырԥон, џьоукы аимҵакьача ихәмаруан, ашәа рҳәон,
икәа­шон. Ақьачақьцәа­гьы анадырԥхьалоз ыҟан, урҭ еизаз ауаа
ргәы дырҿыхон.
Алитература
1. Илҳәамҭоуп Жәыжә Адлеиба иԥҳа Адлеиба-Шьынқәба Џьарымхан.
60 ш. лхыҵуеит. Ианиҵеит Б.У. Шьынқәба. Ҷлоу ақ. 1945 ш. азы.
2. Шьынқәба. Б.У. Ахьырҵәаҵәа. Аҟәа, 1990, ад. 463-464.

Ацәаҟәа
Ацәаҟәа – ажәҩан аҟнытә илбааны, аӡы ахы нҭакны, азхара
ыжәны, шьҭахьҟа ажәҩан ахь ихаланы ақәа лазышьҭуа, ԥсы зхоу,
амчра дуӡӡа змоу, зҟазшьа џьбароу, злеишәа цәгьоу нцәахәуп.
Аԥсуаа ацәаҟәа зыԥсы ҭоу акәны ирыԥхьаӡон. Анцәа ицҳа­
ражәҳәаҩцәа ируаӡәку, иара ихьӡала адгьыл ахь илбаауа нцәахәны
иахәаԥшуан. Аӡбахә ианалацәажәо рхы иадырхәо ажәақәа агәра
удыргоит, Аԥсы ҭоуп ҳәа ишрыдыркылоз атәгьы: Ацәаҟәа ҳҭааит.
Ацәаҟәа аӡы иҭалт. Ацәаҟәа аӡы ажәуеит. Ацәаҟәа ҳасасит уб.иҵ.
Аԥсуа бызшәа беиоуп Ацәаҟәа иадҳәалоу ажәеицааирақәа,
ажәа­ԥҟақәа, ацуфарақәа, ашәирақәа рыла – Ацәаҟәа уагааит!
Ацәа­ҟәа угәара иқәлааит! Ацәаҟәа уҭасасааит! Угәараҭа ицәаҟәа­
сырҭахааит!
Ацәаҟәа «аԥҭақәа дрықәтәаны» дныҟәоит, «дыкәлаауа ажәҩан
далоуп». Игәы ианаҭаху адгьыл ашҟа дылбаауеит, ауаа рышҟа
дымҩахыҵуеит, сасра дрызнеиуеит. «Хәыҷык ауаҩԥс иԥшра амоуп»1. «Алымҳақәа дуны иҟоуп, аҩны аведраҿы иааины, акылкылҳа

аведра илҭагыланы иажәт. Алақәа амоуп, аҿы амоуп, ахаҿы аӡы
иҭанакуеит, убри азы иубаӡом»2 .
Ус зыҩны инеиз, «иҳасасит» рҳәон, ашьтәа ршьуан.
Ажәабжьҳәаҩцәа изларҳәаз ала, Дәрыԥшь ақыҭан, ҽнак Гәымаа
Ацәаҟәа рҭааит. Ишыҟалаз ҳәагьы ажәабжьк рҳәоит. Ҽнак Ацәа­
ҟәа хылт. Гәымаа рҭацак, аҩны дшыҩназ быжьқәак лаҳаит. «Ашә
анаалырт Ацәаҟәа алымҳақәа џарџаруа» – абарҵаҿы аӡы шажәуаз
лбеит. Уинахыс Гәымаа аӡаҿы ицаны аныҳәара иаҟәыҵит. Аҩнаҿы
аныҳәара иалагеит3.
Ацәаҟәа ажәҩан аҿы икыдны избаз, уи анырбаз аҽны аӡы рык­
ӡомызт, рҿы рыӡәӡәаӡомызт, аӡыхьқәа, аӡиасқәа рааигәа инеи­
ӡомызт, еиҳарак иара ацәаҟәа ахы ахьҭакыз аӡаҟны.
Ацәаҟәа гәаауеит. Игәаар, илалбааны, изыргәааз ихәыҷқәа аашь­
ҭыхны ажәҩан ахь иагон.4
Ацәаҟәа иалшоит ашәира. Иашәииз ауаҩы иԥштәы еицакуеит, дҩежьхоит, аҵыкәкәара далагоит. Иԥсы аиқәырхаразы, иԥсы
аҿыхразы иахәҭоу ҳәа ирыԥхьаӡоз аныҳәара мҩаԥыргон.
Аныҳәара амҩаԥгашьа. Аныҳәара ҩынтә имҩаԥыргоит, аԥ­
шьаша аҽны.
Ԥшьашак аҽны аҳәсацқьақәа хҩык ачымазаҩ дрыманы рааигәа
иҟоу аӡиас, ма акәара ахь илбаауеит. Хәба, фба аршьын иҟоу ачыҭ
ԥштәы еилаԥса шьҭырхуан. Ари ачыҭ ачымазаҩ ихы иакәдырх­
шон абас ҳәо: «Анцәахә ду! Агаӡара шихьыз еиликаан, абра дузааит (ихьӡ нҭкааны ирҳәон), дуҳәоит иахьазы абри ачыҭ-ԥшӡа иара
иҿынтә иудукыларц. Аҿаҭахьа абра иҟаиҵоит, хара имгакәа ашь­
тәа шьны, агәаҵәа шуирбо азы»5 . Абас наҳәаны, ихы иакәырхшаз
ачыҭ наганы аӡы иарҭон.
Егьи иааиуа аԥшьаша аҽны, анҭ аԥхьа еицыз аныҳәаҩцәа рых­
ҩыкгьы, ачымазаҩ даарыгәҭылакны, ииасыз аԥшьаша аҽны иахь­
ныҳәоз аӡы ашҟа илбаауеит.
Аныҳәа амҩаԥгашьа. Ачымазаҩ маҭәа шкәакәа мацарала
деиларҳәоит. Дара ус маҭәа цқәала еилаҳәазар ҟалоит. Аныҳәаҩцәа
иреиҳабу аԥҳәыс рбаӷьки арцынаки уа аӡаҿы илбааганы илшьуеит,
илчаԥоит. Ахацәа ари аныҳәара иалахәӡам. Ашәымкьаҭ дыргылоит, абысҭа иара уа ируеит, акәакәарқәа ржәуеит, ашыламгьалқәа
рӡуеит. Раԥхьа иржәуеит акәакәар дуқәа быжьба, иара убас ашы-

ламгьал дуқәа быжьба. Ирмазеины ишьҭырхуеит. Еиҭа даҽа быжькәакәар ссақәак рыжәуеит, быжь-шыламгьал ссақәак рыӡуеит.
Урҭ анаамазеихалак, инаганы ашәымкьаҭ иқәырҵоит. Иара убра
ашәымкьаҭ аҿы ацәацқьа иалху ацәашьқәа быжьба адыркуеит.
Дныҳәоит қәрала зегьы иреиҳабу. Ачымазаҩ дааиҳәҭҟәыҟәлоит.
Аныҳәаҩ дныҳәон абас: «Аду! Ари ҳгаӡа даҭаумҵан. Игаӡара убоит,
изымдырра ауп изыхҟьаз. Абра илшоз ала дузааит. Иахьа инаркны
даушьҭ. Уара узы дыҟазаауеит. Умаҵ аура иҭахуп, азин иҭ. Иудкыл!»6 Абас дааныҳәаны, акәакәар ссақәа быжьбеи, ашыламгьал
ссақәа быжьбеи, быжь-бысҭа ҿахраки наганы аӡы иҭалԥсон. Уи
Ацәаҟәа «иаҳҭныҳәсақәа рхәы» ҳәа иашьҭан. Иаанхаз зегьы дара
латәаны ирфар акәын. Ирцәынхо наганы аӡы ихырԥсалон. Аҩныҟа
акгьы угар ҟалаӡомызт.
Раԥхьатәи аԥшьаша аан аӡы ихырҵаз ачыҭԥшӡа ахаҭыԥан рхы
иадырхәар ҟалон аӡахәа-рқьақьа7.
Ацәаҟәа амчра ду шамаз атәы ҳазҳәо аҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ра­
цәоуп. Ацәаҟәа иазымдыруа акгьы ыҟаӡам ҳәа ирыԥхьаӡон азы
ахымҩаԥгашьа иацклаԥшны адырра ҿыцқәа шьҭыркаауан:
1. Ацәаҟәа лассы-лассы ажәҩан аҿы ицәырҵуа иалагар, хҭыс
бзиак ҟалоит рҳәон.
2. Ацәаҟәа ашьхара аганахь ала ажәҩан икыдлар, аарҩара
ҟалоит рҳәон.
3. Ус акәымкәа, амшын аганахь ала икыдлар, аӡысаамҭа иатәуп
рҳәон.
4. Амрагыларахь икыдлар – ашоура бааԥс ҟалоит рҳәон.
5. Ацәаҟәа амраҭашәарахь икыдлар – ақәа рацәа леиуеит, иӡы­
саамҭахоит рҳәон.
6. Ацәаҟәа аӡы ахьажәуа иазааигәахаз – дычмазаҩхоит.
7. Ацәаҟәа ахы ахьҭакыз аӡаҿы зҽызкәабаз дычмазаҩхоит, ицәа
ԥхҭуеит, ацәырԥшӡа ихьуеит.
8. Ацәаҟәа знапы ақәызкыз – инапы ҩоит, ма еиқәаҵәахоит.
9. Зхаԥыц аарԥшны иазырбаз – ихаԥыц ҩежьхоит, ма иҵшәаны
икашәоит.
10. Аҽыхәа иақәымтәац арԥыс ихаԥыц Ацәаҟәа иабар, ихаԥыц­
қәа еиқәаҵәахоит.
11. Ацәаҟәа амш аныбзиоу ихылар, лассы ақәа леиуеит
12. Ақәа анлеиуа ихылар – амш ирласны еилгоит.

13. Ақәа рацәаӡаны ианлеилак – Ацәаҟәа хылоит – илеиз шьҭа­
хьҟа иагаразы, мамзар аӡқәа хыҵны ауаа ықәнахуеит.
Алитература
1. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. VII атом. Амифологиатә
ҳәамҭақәеи алегендақәеи. Еиқәлыршәеит, аԥхьажәеи азгәаҭақәеи лҩит
Ц.С. Габниа-Инал. Аҟәа, 2002, ад. 45.
2. Иара уа, ад. 45.
3. Иара уа, ад. 45.
4. Зыхәба С.Л. Аԥсуа мифологиа. Аҟәа, 2012, ад. 475.
5. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1961, с. 56-57.
6. Иара уа, ад. 57.
7. Иара уа, ад. 56-57.

Аҵгара, акылхра
Аҵгара – ахәыҷқәа, адуцәа, арахә уҳәа ачымазара рыхгаразы,
алаԥш рыхцаразы, рацәыхьчаразы аԥсуаа жәытәнатә аахыс им­ҩа­
ԥыргоз ритуалуп.
Аҵгара хкқәа рацәоуп.
Актәи ахкы – аҵла адацқәа рыҵгара. Уи аритуал аҵлақәа зегьы
ирыдҳәалаӡамызт, изыдҳәалаз араҵла заҵәык акәын, хықәкыла
иуҳәозар, араҵла адацқәа.
Аҵгара зыдҳәалаз ачымазарақәа. Абҷи, аимҳәаршәи зыхь­­­­­
уаз ахәыҷқәа, алаԥш зхымԥоз, ачымазара зчычоз ауаа ракәын
еиҳараӡак арадац иҵыргоз2. Ара адац адгьыл иа­лыҳәҳәо, ачымазаҩ
уи дыҵугаратәы ианыҟаз, уа днаганы дыҵыргон. Аха ара адац­қәа
адгьыл иалҳәҳәо ианыҟамыз, ара адац ахьыҟаз ԥшааны иаҵыр­
жаауан, ахәыҷы дкылухратәы аҟнынӡа. Ус аҭагылазаашьа ианалнамыршоз, араҵла ҿа агәыцә еиҟәдыршьшьон. Убри аиҟәшь­шьар­
ҭа ахәыҷы дыбжьыргон абас ҳәо: «Учымазара наҟ иуҟәызгеит,
учымазара наҟ иухысцеит, учымазара наҟ иухысцеит!»3. Ахәыҷы
даныбжьырга­лак ашь­ҭахь, еиҟәыршьшьаз араҵла аганқәа агәыцә
иадырӷәӷәала­­ны иҿарҳәон. Аҵла ашьшьарҭа ҭыԥ еималаны иӷьар,
аҵла азҳара иацнаҵар, ахәыҷы изы ибзиоуп, иаргьы дыбзиахоит
рҳәон. Ус акәымкәа, «араҵла ҩар, ахәыҷгьы дыбзиахаӡомызт»4.

Хылҵшьҭрала аԥсуаа ирзааигәоу ашаԥсыӷцәа ачыма­за­рақәа
жәпакы, еиҳарак ахәыҷы чымазарақәа, аҳәса рхьаақәа рыхәшәтәра
араҵла иадырҳәалон. Уи анаҩсангьы, шықәсык ахьтә хынтә «аша­
ԥсыӷцәа ҭаацәаныла араҵла адацқәа икы­лырхуан».5 Убранӡа уи
амчра ду шамаз агәра ргон.
Аԥсуаа араҵла амч ҷыда злоу, ауаҩы дызхәышәтәуа акәны
ирыԥхьаӡон.
Ус егьа иҟазаргьы, акакан агәараҿы еиҭазымҳауаз ыҟан, еи­
ҭазҳауаз еиҳа ишеиҳазгьы. Араҵла аҵаҟа ацәара ҟаломызт, уа
иамхацәаз «адабла исуеит» рҳәон.
Адыга жәлар араҵла иацәшәон. Еиҭазҳаз иоура ашәара араҵла
ианазҳалак, иԥсра аанагоит ҳәа иԥхьаӡан. Убри аҟ­нытә, араҵла
еиҳарак аҭаҳмадацәа ракәын еиҭазҳауаз, аҿар еиҭар­ҳар ҟалаӡом,
рыԥсынҵры кьаҿхоит рҳәон. Иара убас, адыга легенда излаҳәо ала,
араҵла шықәсык ахьтә знык ауаҩы ига­га ихнахуеит6, иара убри ала
ихаҭа ашәарҭа дҭанаргылоит.
Аҩбатәи ахкы – «ахыцеихац аҵгара». Ари аритуал ам­ҩаԥ­
гараан рхы иадырхәоз ахыц акәын. Згәы бзиамыз, чымазарак
иаргәаҟуаз, мамзаргьы Аҩсҭаацәа зхалаз, алаԥш бааԥсы зхьыԥшыз
ахыци ахәымпали рыбжьара дыбжьыргон. Усҟан «ахыцеихац ды­
ҵыргеит» рҳәон. Елыр ақыҭан иҟоу ауахәамаҿы иҵәахуп метрак
аура змоу ахыци ахәымпали. Ахыц иахоу зчаԥаз аҭыԥантәи ажьи
иоуп. Уи ҳамҭас иеиҭеит Елыр аныха. Убринахыс Аҩсҭаа дызхалаз
ахәыҷы, аду Елыр аныхаҿы инаганы, убра иҟаз ахыци ахәымпали
рыбжьара иҵыргон. Ус ибжьыргоз ауаа «ахыцеихац иҵыргаз»7 ҳәа
рзырҳәон. Ахыц аҵгара мҩаԥыргон ԥшьашак аҽны.
Ахԥатәи ахкы – ахнышьыр, мамзаргьы архнышьна аҵ­гара.
Ачымазарақәа лассы-лассы иркуаз, хьаа рымаӡамкәа иҵыкәкәоз,
изыгхоз, зымч каԥсоз ахәыҷқәа рыхәышәтәразы ахнышьыр
иҵыргон.
Аритуал амҩаԥгашьа. Аҭаацәара амца ахьеиқәырҵо ахәыш­­
ҭаараҿы икнаҳаз ахнышьыр армарахьтәи арӷьарахь­тәи аганқәа
рҿы ацуҭа иатәу аҳәса цқьақәа рҽеиҩшаны наҟ-ааҟ иаагылоит.
Аганқәа рҿы игылоу рхыԥхьаӡара еиҟаразароуп. Еиҳа ииашоуп
ҳәа иԥхьаӡоуп наҟ-ааҟ игылоу рхыԥхьаӡара хҩы-хҩы инаӡозар.
Згәы бзиам ахәыҷы арӷьарахьтәи аган аханы игылоу аԥҳәыс
цқьа армарахьтәи аган аҿы лаԥхьа игылоу дыллыркуеит. Уи да-

алымхны арӷьарахьтәи аган ала ахәыҷы длызҭаз илывагылоу
длылҭоит. Абас днеимда-ааимдо мацара, ачымазаҩ хынтә ахнышьыр дыҵыргоит, амца дахыр­гоит. Дахыргацыԥхьаӡа, дахызго
зегьы дара рнапы даныҵырго «иахьарнахыс ачымазара уҟәаҳхит»
рҳәоит.
Аҭаца ҿыц иаанагазгьы, ахнышьыр хынтә дыҵыргоит, хьыԥ­шы
лымазар илҟәаҳаблаауеит, илҟәаҳцоит, даҳрыцқьоит ҳәа.
Аԥшьбатәи ахкы – аҟама аҵгара. Ари ахкы зыдҳәалоу ҿыц
аҭаацәара иалало аҭыԥҳа лоуп. Аритуал мҩаԥыргоит ачарақәа рҿы.
Аҭаца аҩны даныҩнаргало, дызлаҩнало ашә асхымшә аҿы наҟ-ааҟ
аҟа­мақәа еихыршьны икны игылоит ҩыџьа арԥарцәа. Еихыршь­ны
иҟоу аҟамақәа аҭаца ҿыц дыҵганы, амҳара дыҩ­наргалоит. Абас
еихыршьны иҟоу аҟамақәа ирыҵыргаз аҭаца, егьа лаԥш-хьыԥшы
лымазаргьы, мышьҭацәгьарак, лаԥ­шыцә­­гьарак лхаԥаны иҟазар­
гьы имчыдахоит, уинахыс егьа уадаҩра дақәшәаргьы аиааира лылшоит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Ахәбатәи ахкы – аҭыҩра, ажра аҵгара. Ари аритуал хкы
еи­ҳарак изыдҳәалоу ичымазаҩхаз арахә роуп. Аԥсны адгьыл­ҵа­
кыраҿы рхы иадырхәон XIX ашәышықәса азбжанӡа. Абас 1924
шықәсазы Аԥсны арахә азҩа чымазара ҿкны ирылалеит. Ауаа
аԥхасҭа ду роуит. Убасҟан Гәдоуҭа араион иатәыз Жәандәрыԥшь,
Мгәыӡырхәа, Уаҭҳара уҳәа ақыҭақәа рҿы ари ачымазара ахәшә­
тәыга ҳәа ахәбатәи ахкы рхы иадырхәеит8.
Аритуал амҩаԥгашьа. Ажра, мамзаргьы аҭыҩра зжуаз аха­
цәа хәнон хәы ҳаракырак ахь. Еиҳа иманшәалоуп ҳәа иалырхуаз
аҭыԥ Амраҭашәаратәи аган ала акылжаара иалагон. Акылжаа­
ра иаҿызаауан Амрагыларатәи аган ахь икылсаанӡа. Абас мацара аҭаларҭеи аҭыҵырҭеи змаз аҭыҩра ржуан. Аҭбаара арахә
ҭаӡаратәы иҟарҵон. Акылжаара ианаалгалак, арахә еишь­ҭар­
гыланы Амраҭашәаратәи аҿышәҭ иҭацаланы, амра­гыла­рахьтәи
аҿышәҭ аҿы икылыргон. Ажра иҵыргон ич­мазаҩыз арахә
реиԥш, ичмазаҩымызгьы. Ичмазаҩыз арахә кылыргон рчымазара ралыргаразы, ичмазаҩымыз арахә кылыргон ачымазара
рацәыхьчаразы, ачымазара рмыхьырц азы. Ажра иҵыргаз зегьы
амч ҷыда рылалоит ҳәа иԥхьаӡан, уинахыс рааигәара чымазаракгьы неиӡом, инеиргьы акгьы азыҟаҵаӡом рҳәон.

Афбатәи ахкы – ахаҳә аҵгара. Аԥсуаа ахаҳә кылҵәа амшьҭа
бзиоуп, аҩны, агәара, ауааԥсыра алаԥши амшьҭа цәгьареи рыҟнытә
иахьчоит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Уи акәым, акыраамҭа ахшара зцәа
даламшәо аԥҳәыс ахаҳә кылҵәа дкылгазар, хара имгакәа ахшара
лцәа далашәоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Абас Тҟәарчал адгьылҵакыраҿы
иҟоу Хәаџьал хәыҷ захьӡу ашьхаҿы игылоуп хаҳә кылҵәа дук.
Ажәытәан ааигәа аҭаацәара иалалараны иҟоу аҭыԥҳа уи ахаҳә заа
дкылыргон, лгәабзиара еиҳа аиӷьтәразы, аҭаацәара даналалалак
ирласны ахшара лцәа далашәарц азы9.
Алитература
1. Чурсин Г.Ф. Материалы по этнографии Абхазии. Сухуми, 1956, с. 109.
2. Акаба Л.Х. Исторические корни архаических ритуалов абхазов. Сухуми, 1984, с. 33.
3. Илҳәамҭоуп Шамы Минака. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.
1984 ш. азы.
4. Чурсин Г.Ф. Указ. раб., с. 109.
5. Акаба Л.Х. Указ. раб., с. 33.
6. Святилища абхазов и святые места адыгов. Сравнитель­но-типо­
логическое исследование. Составители: А. Н. Соколова, Б. С. Хотко (Агрба).
Майкоп, 2015, с. 73.
7. Аджинджал И.А. Из этнографии Абхазии. Сухуми, 1969, с. 269.
8. Начкебиа С.М. Лексика народной медицины в абхазском языке. Сухум, 2013, с. 65.
9. Иара уа, ад. 63.

Аҵла ныҳәара
Аҵла ныҳәа//Аҵланыҳәара. Аҵланыҳәара – аԥсуаа жәытә­на­
тәаахыс ауаҩы амашәыр иҟәыгаразы имҩаԥырго ны­­­­ҳәа­роуп.
Аҵланыҳәарақәа изныкымкәа ашықәс аҩныҵҟа имҩаԥыргоит.
Аҵланыҳәарақәа руак Нанҳәа амш аҽны имҩаԥыргоит. Аҵла
ахәнара бзиа избо аҿар роуп еиҳарак уи аныҳәа иадыргало.
«Аҵла ахылаԥшҩы»//«Аҵла Анцәахәы» ихәы ирҭоит. Ирныҳәо
арԥыс аҵла амҵан днаргоит, иарӷьа шьапы аҵла икыдыргыланы,
иарӷьа напаҿы акәакәар идыркуеит. Абас уа дгылазаауеит аҭаацәа
иреиҳабу, Аԥҳәысцқьа дныҳәаанӡа. Аныҳәаҩ Аҵла Анцәахәы ди­
ҳәоит, арԥыс аҵла даныхәно иблахаҵ мгьежьуа, дкамҳакәа дыл-

баауа, амашәыр хара иҟәыганы дихьчарц азы. Далыҩрыргьы, баҩ
ԥҵәа иламкәа, дманшәаланы адгьыл аҿы длеиуа, адгьыл изыбамбылхо иҟаиҵарц азы. Аныҳәаҩ аныҳәара даналгалак арԥыс иику
акәакәар ифароуп, ишьапы аҵла икыдыргыланы ишикыц икны,
илбаамгаӡакәа.
Ахәыҷқәа еиҳарак изқәыло аҵлақәа ршьапқәа рҿы адгьыл аажны арацәа ыҵарҵоит. Арацәа Аҩсҭаа даанашьҭӡом ҳәа ирԥхьаӡоит.
Аҵла аӡә далҟьаны дкаҳар, иаразнак аҵаҟа ана-ара ажра иалагоит. Арацәа рбар «акгьы ихьӡом, дыхьчоуп, ҳара даҳтәуп» ҳәа ргәы
дырҭынчуеит. Ирымбар «Аҩсҭаа даҳцәигоит», дыԥсыргьы ҟалоит
ҳәа иазхәыцуеит.
Аԥсуаа рмифологиатә хәыцра излаҳәо ала, Анцәа ихьӡ ҳәаны
аҵла ихәно Анцәа дитәуп, акгьы ихьӡом, изхашҭуа Аҩсҭаа дитәуп
– далыҩруеит. Убри аҟнытә аҵла ааигәа Аҩсҭаа еснагь дыҟоуп ҳәа
ирыԥхьаӡоит.
Ҽаҩраҭагалангьы Аҵланыҳәара мҩаԥыргоит. Аҵланыҳәара
мҩа­­ԥыргоит жьҭаара ианалаго аамҭазы. Ажьҭаара алагамҭазы аҩ­­
наҭа еиҳабу аԥҳәысқьа раԥхьа акәырбан лықәылҵоит «амахә ул­
ԥха ҳаманы ҳҟалозар афатә бзиа ҟаҵаны, исылшо рбаӷьзаргьы,
ишьтәазаргьы агәаҵәа шусырбара, ачахәажә ҟаҵаны, убаҳчаҿы
ашьа нкаршны сышныҳәара» ҳәа.
Арбаӷь лшьырц лгәы иҭазар, илшьырц илҭаху аика цкәаны
иоулышьҭуеит заа.
Ажьҭаара ианалгалак, ҭаацәашәала, аҩҿа иахныҳәо ианыҟала­
лак «лықәҵа» лықәылхуеит. Уи анлықәылхуа «исықәсҵаз ҟасҵоит,
уажәы анаҩсангьы амахә-ашьахә шәылԥха ҳамазааит!» ҳәа дны­
ҳәоит. Дзыхныҳәо ачахәажәқәа, арбаӷь агәи-агәаҵәеи роуп.
Арбаӷь лара дахныҳәоит, ашьа казҭәо аҩнаҭа ахацәа иреиҳабу
иоуп. Абаҳчаҿы, аӡахәа зқәу мжәаҵлак амҵан ауп ашьа каиҭәар
ахьилшо.
Ҭаацәашәала иааилатәаны рчахәажәқәеи рыкәтыжьи рфоит,
еибаныҳәоит.
Иарбан ҵлазаалакгьы уанықәло «Хьӡыри Алиашәи шәнапы сануп» уҳәар машәыр уақәшәаӡом. Амала, иара ара зышҟа ихьаԥшны
иныҳәо рыхьӡқәа ԥсахны ишыҟоу еилкаауп, аха дара рхаҭақәа амчра ду рымоуп ҳәа ауаа агәра шхарҵоз бзианы иубоит.

Алитература
1. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1956, с. 51.
2. Чурсин. Г.Ф. Материалы из этнографии Абхазии. Сухуми, 1956, с. 52.
3. Ахархәара рыҭоуп апрофессор Г.У. Смыр иматериалқәа.

Аҵәасса
Аҵәасса – Аҩсҭааи алаԥш бааԥси ириааиуа амч ду змоу, иԥааим­
бар цырҟьаны аԥсабара ианылаз ҵлоуп аԥсуа изы.
Аԥсуаа аныҳәарақәа рацәаны имҩаԥыргон. Ирыман «Аҵла
ныҳәара» захьӡызгьы. Амч ҷыда змоу ҳәа ирыԥхьаӡоз аҵлақәа иры­
мҵагыланы рыԥсҭазааразы акрызҵазкуа аныҳәарақәа мҩа­ԥыр­
гон. Аешьара ныҳәарақәа рӷьырак Аџьҵла амҵан имҩаԥыргоит.
Иахьагьы ҵлак амҵан, ма ааигәара, убас аҵлақәа ахьеилагылоу
ауп Анцәаиҳәарақәа ахьыҟарҵо.
Аҵәассаҵла амчра ду амоуп, ахәыҷқәа, аҩнатә ԥстәқәа алаԥш
иацәнахьчоит, рааигәа инанашьҭӡом, уа иааннакылоит ҳәа
ирыԥхьаӡон. Амахә аӡа рыԥхны ҿыц ихьаз, зыхш згәыҵач иҟоу
ажә ахәда, ма атәыҩа ихыршьуан, ацаха, ма асахҭан иҭаӡны агара игароу ахәыҷы ихчы иаҵарҵон, ихбыџу ихәда ихыршьуан, ицәа
иадырҵон. Агара иҭаз ашыц цәарҭа амахәқәа наганы иаҵарҵон.
Иҟоуп рацәак зсиужет еиҵыхым, аха аҵәасса амчра атәы бзианы иҳазҳәо аҳәамҭақәа. Руак излаҳәо ала, Аллаҳи Аҩсҭааи зны
еицны џьара ицон. Аллаҳ иҭаххеит Аҩсҭаа илаԥш, имчра ԥишәарц.
«Умчра сурбондаз?» – иҳәеит Аллаҳ. Аҩсҭаа дааччеит.
Ус ишнеиуаз ԥҳәыск ажә даҵатәаны ишылхьоз иналыдгылт.
«Ари улыхәаԥшла!» – иҳәеит Аҩсҭаа. Аҳәаха имҭакәа, аԥҳәыс
даагәамҵын, дзықәтәаз лысқам рхха ажә ахы дласын, аԥсы рмаҷны
илкалыжьт.Уи азмырхакәа «ани уизыԥшы!» – иҳәеит Аҩсҭаа, рааигәа
игылаз аԥҳәыс лхаҵа ихы наиқәкны. «Ҳаит, ҳажә заҵә шԥабшьи!»
– иҳәан уи, илаба иикыз рхха иԥҳәыс лхы дласын, еиҟәырԥа дылкаижьт. «Ҳаит, саҳәшьа, сыла шааԥшуаз, дышԥоушьи!» – иҳәан
рыҩны исасны ирҭаз лашьа ишәақь аамҩаниҵан, имаҳә дышьны
дналываижьт.
Аллаҳи Аҩсҭааи рымҩа инацырҵеит. Аллаҳ иибаз рацәак игәы
иамыхәеит. Ус ишнеиуаз хаҵа бзиак даарԥылеит ауардын ахәда

дықәтәаны. «Абри иҿы иулшарызеи?» – дҵаауеит Аллаҳ. «Ее, исылшогьы маҷӡам, аха ари ахаҵа дхаҵа бзиоуп, иҟьатама аҵәасса махә
иалхуп. Уи аҿы сара мыч сымам», – иҳәеит Аҩсҭаа.
Алитература
1. Аматериал армазеираҿы ахархәара рыҭоуп аҭоурыхтә ҭҵаара­дыр­
рақәа рдоктор Г.У. Смыр ианҵамҭақәа.

Аҵәаҵла//Аҵәа
Аҵәаҵла – зымшьҭа бзиоу, аԥсуа иашҭа, игәара зыхьчо, иԥ­шьоу,
зымҵан иныҳәо ҵлоуп.
Аԥсуаа аҵәаҵла ахаҭа, аҵәаҵла иҿало аҵәа амчра ҷыда ры­лоуп
ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Жәынгьы-ҿангьы «Аӡын ныҳәара», мамазаргьы «Хьычхәама»,
иахьа иҳәынҭқарратә ныҳәаны иҳамоу Ажьырныҳәа аным­
ҩаԥырго, аԥшәма иҵакыра зегьы иманы ажьираҿы дныҳәоит.
Урҭ дрылахәӡам аԥшәма ԥҳәыс. Даҽа жәлакы дахьатәу азы, дара
ныҳәаны аҩныҟа ианааилак, ларбаӷьхәы агәи-агәаҵәеи араса­
ҵәы иахаҵаны, иара убас ацәацқьа иалху лцәашьхәы, лкәа­кәар
аашьҭыхны, агәараҿы игылоу аҵәаҵла днамҵагыланы, «лцәа­­
шьхәы иара аҵла ашьапы инаркны»1дныҳәоит. Аҵәаҵла аҵаҟа
иуҳәо ҟалоит, уи аҟалара аҵәаҵла ацхраауеит ҳәа аԥсуаа иры­
ԥхьаӡоит. Аԥшәма игәараҿы игылоу «аҵәаҵла ашәыр ҿассы есы­
шықәса ииуазар, аҭаацәара зегьы рзы ибзиоуп, аизҳара,аҿиара
иатәуп»2 рҳәоит аԥсуаа.
«Ауаҩы иԥсырҭа ахьыҟоу иԥсы аҭыҩраҿы ауп». Абас иҟоу
аҭыԥқәа иреиуоуп аҵәаҵла. «Аҵәа ауп сыԥсы злоу»3, – иҳәоит
аԥсуа лакә аперсонаж, ашәарыцаҩ Салусан. Уи ҵәак ичамадан аҿы
иҵәахны иман. Иԥшааны амшын ианаларыжьлак, дызҭатәаз афлыка ааҳәуеит, ихаҭа амшын далаҳуеит. Салусан амшын дынҭганы,
аҵәаҵла ԥшааны, иҿаз аҵәа наганы игәы ианынықәырҵалак,
иԥсы ҭалоит.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Амифи аритуали - 12
  • Büleklär
  • Амифи аритуали - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3580
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3614
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2145
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3642
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2095
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3614
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3626
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3670
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3629
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2152
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3610
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2027
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3551
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2028
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3600
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2178
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3603
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2191
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3565
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2164
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3578
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3672
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3649
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2372
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3599
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2081
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3028
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1914
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.