Latin

Амифи аритуали - 10

Süzlärneñ gomumi sanı 3600
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2178
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
рыҟнытә ауаҩы, аҩны, агәара, ахәыҷы, арахә рыхьчара зылшо иԥ­
шьоу ҵлоуп.
Аԥсуа мифологиаҿы аҵла бзиақәа зегьы иреиӷьу акәны иԥ­
хьаӡоуп.
Аԥсуаа изларыԥхьаӡо ала, адыд ахьаца иасӡом, избанзар «Ан­
цәа иан д-Хьацԥҳауп». Ахьаца азҳауан иахьабалак: агәараҭа­қәа
рҿы, амхурсҭақәа рҿы, ашәырбаҳчақәа рҿы. Ахала иааны иазҳар
зегьы иреиӷьын. Усҟан «Анцәа ари адгьыл дақәныҳәан иҟоуп»
ҳәа ирыԥхьаӡон. «Ашәырбаҳчақәа рҿы изызҳаз ахьаца аӡахәа
ақәырҵон»1, иҿало ажь даараӡа ихаахоит рҳәон.
Ааԥын, адыдра аамҭа анааилак, аҩны ааигәара ахьа­цаҵла гы­
ламзар, иахьгылоу ицаны, амахә хҵәаны иааргон, абарҵа ик­
нарҳауан. Уинахыс ргәы ҭынчын, адыд-мацәыс иацәшәаӡомызт,
ҳахьчоуп ҳәа иҟан. Амҩа хара иқәлоз, ма шәа­рыцара ашьхаҟа ицоз
иџьыба ахьаца махәҭа хәыҷык ҭарҵон, дахьчоит ҳәа. «Ахьаца амахә
зку Анцәа дисасуам», – рҳәон ажәытәуаа.2
Аҩын ҿыц андыргылоз, ахьаца амахә ахыб иаларҵон, ус
акәымкәа ирхашҭыр, адашьма анықәырҵоз аҵаҟа џьара иа­
дырҵон. «Аԥсуаа рыргыларақәа зегьы рҿы ахьаца иатәыз махәык,
хымԥада, џьара иаларҵон»3. Арахә, еиҳарак ажә ҿыц ихьаз, ма
ажәхьа бзиа адыд-мацәыс амысырц азы, алаԥшцәгьа аҟнытә иахьчоит ҳәа ахьаца амахә акы иҭаӡны, еиҳарак асахҭан лых акәын
рхы иадырхәоз, ахәда ихыршьуан, ма атәыҩа иадкнарҳалон, мамзаргьы аҵыхәа иалаҿарҳәон.

«Ахьаца – хыхьчагоуп», – аҳәоит аԥсуа жәаԥҟа. «Уи амахә уааи­
гәа иҟазар, ма унапаҿы иукызар, ма уцәа-ужьы иадзар, Аҩсҭаа
уааигәа дааиӡом, хара-хара дувсоит»4 . Ахьаца амҵан аџьнышцәа,
агызмалцәа неиӡом. Ахьаца амахә аԥсуаа рхы иадырхәон аҟанҷхәац ааӡараҿгьы. «Аҟанҷ адыд-мацәыс ачы­чоуп», – рҳәоит. Аҟанҷхәац акыдлара ианалагоз аамҭазы, адыд-мацәыс аҽарӷәӷәон.
Усҟан ахьаца амахәқәа рацәаны ихыҵәҵәаны иааганы, аҟанҷхәыц
ана-ара ирыладыргылон, адыд аҟнытә иахьчоит, адыд асӡом ҳәа.
Амахәҭақәа аналадыргылоз абас рҳәон: «Анцәа ду! Иахьарнахыс абарҭ хьчоуп Ахьаца абзоурала. Ара дыҟам Аҩсҭаа, ара дыҟам
аԥсымцқьа, ара иҟам Аҳәаза (амаҭ – Ц. Г.), ара иҟам Аԥырқәа
(аҵарақәа – Ц. Г.). Ара иҟоу Ахьаца ауп!»5.
Аԥсуаа жәынгьы-ҿангьы ахьаца аҵаҟа, ацуҭа ирзеиԥшыз аны­
ҳәарақәа реиԥш аижәлантә ныҳәарақәагьы мҩаԥыргон. Аб­ӷа­
рхықә ақыҭан иҟоуп зегьы раасҭа иҳараку ахәы. Убри ахәы Аацных атәарҭа ауп ҳәа иԥхьаӡоуп. Уаҟа ажәытә аамҭақәа раан еиԥш
иахьагьы ахьацара еилагылоуп. Уахь ус баша ахаларагьы ҟалаӡом.
Ахалара азин змоу Ацуныҳәа (ақәа леирц азы аныҳәара – Ц. Г.)
иалахәыз ракәын. «Ауаҩы уахь дхало, ааигәара ӡык кеиҭәо, дтәодгыло ҟаломызт, аныха ихы ааиҟәнаршәон акәын»6.
Аргәынаа, еиҳарак Тҟәарчал инхоз рыжәлантә ныҳәара мҩа­
ԥыргон Лашькьындар-ныха ашьапаҿы изызҳауаз ахьа­цаҵла ам­
ҵан. Ахьаца акәшамыкәша иԥшьаҭыԥны иԥхьаӡан. Ацәашьқәа
иадыркуаз ахьацаҵлаҿы икыдырҵон, шәарыцара ицоз уа ины­
ҳәаны рҟәыхқәа аанрыжьуан, џьара иҳахәап, хылаԥшрак ҳанаҭап
ҳәа. Зҟәых ахьаца амҵан иаанзыжьыз, ахылаԥшра ҷыда иоуеит ҳәа
иԥхьаӡан. Аныха агәра хазҵоз, акы иаргәамҵуаз, агәабзиара иаҳәоз
зегьы уахь игаз амҩа ианын. «Саныӡӷабыз акәын, сашьа ӷәӷәала
дычмазаҩхеит. Сара сқәит хаха-хымш крышысымфо ҳәа, насгьы
сшьапы хтны сцеит Лашькьындар ашьхахь. Ашьха ашьапаҿы ахьа­
цаҵла ду гылан. Ахьацаҵла Аргәынаа иртәын. Ахьацаҵла астол
ԥшра змаз акы адҟаҵаланы иҟан. Убра араӡны ԥара ықәсҵеит,
ацәашьгьы асыркит… »7, – лҳәеит Л. Хә. Акаба 1963 шықәсазы дзыҿ­
цәажәаз, Ҷлоу ақыҭа иатәыз аинформант Тереза Шьакаиа.
Аԥсуаа Ахьацаҵла ахаҭа нцәахәык аҳасабала иазыҟан азы амчра ду амоуп ҳәа агәра ргон, иахьагьы ахьацаҵла ахаҭа, иара
амахәҭақәа, ауаҩы ихьчара зылшо ракәны иахәаԥшуеит.

Алитература
1. Введенский А. Экономическое положение туземного населения Сухумского отдела. – ССКГ, 1872, в. 6, е. 5.
2. Илҳәамҭоуп Зыхәба-Џьугьелиа Масина Кыҷа-иԥҳа. 110 шықәса
лхыҵуеит, аҵара лымаӡам, лыӡӷабраз дқьырсианын, аҭаацәара даналала
дыԥсылманхеит. Ианиҵеит. Г. У. Смыр. Абӷархықә ақ., 25.07.1969 ш. азы.
3. Званба С.Т. Этнографические этюды. Сухуми, 1953, с. 69.
4. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Аҟәа ақ.,
22.06.1988 ш. азы.
5. Иҳәамҭоуп Ҵәызба Таҷ Омар-иԥа. 47 шықәса ихыҵуеит. Ианиҵеит
Г. У. Смыр. Абӷархықә ақ., 14.07.1969 ш. азы.
6. Илҳәамҭоуп Шамы Минака. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
05.08.1979 ш. азы.
7. Акаба Л.Х. Исторические корни архаических ритуалов абхазов. Су­
ху­ми, 1984, с. 36.

ХьыӠыри Алиашәи
Хьыӡыри Алиашәи – аҵлақәа ирхылаԥшуа ҩыџьа аишьцәа –
Анцәахәқәа роуп.
Урҭ еишьцәоуп, аха ҟазшьала зынӡа еиԥшӡам. Дара-дара
еинаалаӡом.
Хьыӡыр – згәы разу, ашәыр ҵлақәа есышықәса ибзианы ииларц,
ашәыр рҿалаларц зҭаху, ирҿаларатәы иҟазҵо, аҵла бзиақәа знапы
иану нцәахәуп.
Иара ибзоурала аԥсабараҿы иҿиоит зымшьҭа бзиоу, згәы разу
аҵла жәла хкқәа: ахьаца, аҵәа, алаҳа, аҵәасса, аҳа, ахьараџь, ашәҵ­
ла уб. иҵ.
Алиашә – згәы разым, зымшьҭа цәгьоу, аҵла бааԥсқәа ирхы­
лаԥшуа, ирықәныҳәо нцәахәуп. Ихаҭа ииҳәо, шамахамзар, иҟалоит.
Илаԥш бааԥсуп. Аҵла иқәло ауаҩы дҩаиҵаԥшыр, далыҩрыр ҟалоит1.
Алиашә дызхылаԥшуа аҵлақәеи аҵиаақәеи иреиуоуп: аԥслыш,
аҷандарҵла, ахларҵә, ацәҭырас. Ахларҵә ибыца жәлоуп. Ахларҵә
ала арахә урысыр, аҩныҵҟа ахьаа шьҭырхуеит, ашьабара ҵыргоит.
Аҩын ҿыц анургыло ахыбра иалоуҵар, изтәу аҭаацәара цла еибакуа, рҳәатәы еиқәымшәо, хыла-гәыла еилало иалагоит, ишнеи­

уа ихыбгалоит. Ацәҭырас, аҩны ааигәара, аҩны аҩныҵҟа ааӡа­
ра ҟалаӡом, ишәиуа ҵиаауп. Еиҳарак изԥырхагоу аҿиара ауп.
«Ацәҭырас ахьазҳауа аҩнаҭаҿы аҵеи (ахаҵарԥыс) диӡом», – рҳәоит.
Аԥслышгьы Алиашә дызхылаԥшуа ҵлоуп. Анхарҭа ҭыԥ ааигәасигәа еиҭарҳаӡомызт аԥсуаа. «Аҩны ааигәара игылазар бзиам,
аҩны заҟа иахыҳәҳәо аҟара, аҩны адгьыл иҵалоит» ҳәа иԥхьаӡоуп2.
Анцәахәқәа ртәарҭа. Хьӡыр дынхоит «мрагыларҭан», Алиашә
дынхоит «мраҭашәарҭан». Шықәсык ахьтә знык еиқәшәоит. Усҟан
урҭ аҵлақәа рԥеиԥш иалацәажәоит, рлахьынҵа рыӡбоит.
Ианеиқәшәо аамҭа. Урҭ еиқәшәоит ааԥынра иатәу апрель мза
амшқәа руак азы. Уи амш «Хдырлаз» ахьӡуп, насгьы ажәлар иԥшьоу
мшны иахәаԥшуан, мышшьарангьы ирыман. Ианақәшәоз амш
азы ашәа рҳәомызт, рыбжьы ныҵакны ицәажәон, ус руӡомызт,
ажәқәа рхьомызт, имҟаарц азы аҳәарақәеи дареи еиурыжьуан.
Абыжьқәа духар, ма ирацәахар Хьыӡыри Алиашәи реицәажәара
иаԥырхагоуп рҳәон. Иара аԥсабарагьы уи аҽны аԥсы ашьоит,
ицәоит ҳәа иԥхьаӡан. Аҵла ихәнаӡомызт, амҿы ԥырҟомызт, џьара
махә хәыҷык хуҵәаргьы «гәнаҳароуп» ҳәа иахәаԥшуан.
Аҵла иқәло «Хьыӡыри Алиашәи шәнапы сануп!» – иҳәар акәын.
Усҟан амашәыр хара-хара ивсуеит рҳәон.
Хьыӡыр иҵлақәа ирықәлоз лыԥхала дылбаауан, иара ихаҭа
амашәыр иацәихьчон. Аха Алиашә Хьыӡыр иҵлақәа ауаа аны­хә­
нозгьы ишәиуан, иара иҵла ианыхәнозгьы иҭахын иалыҩрны
икаҳар. Хьыӡыр иҭабуп ҳәа иаҳәаразы, Алиашә игәы акразы, ицә­
гьамыцәгьара, маҷк адамхаргьы, ахҽразы аԥсуаа аныҳәара­қәа
мҩаԥыргон. «Хьыӡыр улԥха ҳагымзааит!» – рҳәон, «Алиашә ухәы
уаҳҭеит, уаҳԥырхагамхан!» – рҳәон. Ачеиџьыка еиҳау мчы ыҟаӡам,
зегьы ириааиуеит ҳәа иԥхьаӡан, рхы аларыхьчон.
Хьыӡыри Алиашәи рыхьыӡ зыдҳәалоу адгьылҵакырақәа ыҟоуп
Аԥсны. Хьыӡыр итәарҭа-игыларҭа ҭыԥқәа уԥылоит ҳәа иԥхьа­
ӡоуп Ҭҟәарчал иалсуа аӡиас Аалӡга ахықә инаркны Гәдоуҭа араион
иаҵанакуа Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу аӡкәарҷҷа Хьыӡыр амшын иахьалало аҭыԥ аҟнынӡа. Алиашә итәарҭаны иԥхьаӡоуп Гагра, Цан­
дрыԥшь, аӡиасқәа – Бзыԥ, Мзымҭа рхықәқәа инадыркны Адлер
аҿынӡа ишьҭоу адгьыл ҵакырақәа.
Аӡиас Мзымҭа амшын иахьалало «400 метра раҟара иҩахыкны
ашьхара аганахь, Адлер иахьаҵанакуа ҭыԥк аҿы игылан акыр

зхыҵуаз аџьҵла ду. Убра иҟан Лиашәных ахьтәаз аԥшьа ҭыԥ», – ҳәа
иҩуан Ш.Д. Инал-иԥа3 .
Алитература
1. Зыхәба С.Л. Аԥсуа мифологиа. Аҟәа, 2012, ад. 602.
2. Иҳәамҭоуп Смыр Григори Уаҳаид-иԥа. Ианылҵеит Ц. Габниа. Аҟәа,
1982 ш. азы.
3. Инал-ипа Ш.Д. Садзы. Историко-этнографические очерки. Издание
второе. Сухум, 2014, с. 258-259.

Ахьы Зоусҳан
Ахьы Зоусҳан//Зосҳан – ацәырԥшӡа ҳәа аԥсуаа хьӡыс изырҭаз
ачымазара ауаа ирзаазго Анцәахәы ихьӡ ауп. Ари ачымазара рыхьуеит ахәыҷқәа, адуцәа еилых ҟамҵакәа.Знык изыхьны изхызгаз дандухалак уаҳа ихьӡом. Измыхьуа дыҟаӡам, ауаҩы дышхәыҷу
ихигар еиҳа еиӷьуп, ахәыҷы ачымазара ирласны ихыҵуеит, аду
еиҳа идхалоит.
Аԥсуаа агәра ганы иҟан ачымазарақәа зегьы рхатәы нцәахә­қәа
шрымоу азы. Игәааз анцәахәы дзызгәааз ауаҩы, ауаа ачымазара­
қәа рзылбааишьҭуеит рҳәон. И. Пантиухов1 излеиҳәо ала Ацәырԥ­
шӡа планы аԥсуаа ирылан 1864 шықәсазы.
Ацәырԥшӡа ауаҩы ицәа хабалак иалҵуан. Иӡаӷьаханы ицәеиижьи рҿы иқәтәон. Урҭ аӡаӷьқәа ацәа зырԥшӡо ҳәа ахьыӡҷыда
рырҭеит. «Ишәҭыз» ҳәа ахьӡ ҷыда ирҭон дахьынӡачымазаҩыз.
Ацәырԥшӡа ахәшә адугалар ҟалаӡом ҳәа иԥхьаӡан. Мамзар Ахьы
Зоусҳан игәы иалсуеит, иара ачымазарагьы еиҳа аҽарцәгьоит ҳәа.
Ацәырԥшӡа зыхьны иԥсыз дырҵәыуаӡомызт, иччо, алаф ҳәо,
икәашо дыржуан.
Ачымазара аныҟәгашьа. Ачымазара зцәа иалалаз дахьыҟоу
аҩнаҭаҿы Зоусҳан игәы аҟаҵара иашьҭалон. Ахьы Зоусҳан уи ачы­
мазаҩ лассы-лассы диҭаауеит рҳәон. Ажәҩан ахьтә ахьтәы кәадыр
зқәу аҽы дақәтәаны акәын дшылбаауазгьы. Абри аҟнытә иҽы иафап ҳәа ачыҟәчар аҿы аԥҳә, ма аҭәа ҭарҵон.
Ачымазара иацыз ашьарақәа. Ачымазаҩ дахьышьҭоу ауадаҿы
аҿар еизаны уаха шаанӡа итәон, аԥхьарца адырҳәон, ашәа рҳәон,

икәашон. «Ишәҭыз» дахьыҟаз аҩнаҿы амца еиқәырҵаӡомызт,
аӡыршы ҩнаргаломызт, агәараҿы ихысӡомызт. Ақәыџьма ааир ала
ашьҭарҵаӡомызт. Урҭ зегьы рыҟаҵара Ахьы Зоусҳан игәаԥхом ҳәа
иԥхьаӡан.
Ачымазаҩ дахьышьҭаз ауадаҿы аишәа дыргылон. Уи хаамыхаала идырхион. «Зоусҳан-хан изы ашәа рҳәон зԥаҵа еилачӡа еилагылаз ахацәа, урҭ иҳәон ааигәа ирзааз ацәырԥшӡа анцәахәы Зусхан. Урҭ ирҳәоз ашәа ажәақәа рҵакы абас исзеиҭаргеит: «Абра дааиуеит Зус-хан аҽыхәа дақәтәаны, хьи раӡнылеи ичаԥоу акәадыр
дантәаланы. Уи илымшо акгьы ыҟаӡам, зегьы зымчу имацара амшын ацҳа хиҵоит. Ҳанцәахәы, ҳанцәахәы Зус-хан, улԥха ҳаҭ! Зусхан амшын агәҭа аҭәа ирхуеит, ахьы зцырԥссоу аҽы дақәтәоуп,
хьымаҭәа зшәу аҳәса қәыԥшцәа имаҵ руеит. Ԥсҳәи Аҳҷыԥсеи
арыцҳара ду иҭазыргылаз ҳара ҳрыцҳашьа! Ханиа Шкәакәа,
арыцҳара аалгеит, лылԥхагьы ҳалҭеит. Зус-хан, Ахьы Зоусҳан ҳара
дҳацхраауеит»2.
1914 шықәсазы аӡыни ааԥыни инеиԥынкыланы Ацәырԥшӡы
Аԥсны адгьылҵакыра зегьы аҟны аҽарцәгьан иҟан. Абас Џьгьарда
ақыҭан Ацәырԥшӡа зыхьуаз ауаа рхыԥхьаӡара акыр ирацәахеит.
Аҳақьымцәа рышьҭит агәырқәа иахәҭоу рыҟаҵаразы. Џьгьарда
иатәу ҳаблак аҿы урҭ нармышьҭит Ахьы-Зоусҳан ҳгәаӷ икуеит ҳәа.
Ачымазара анцәахәы игәаԥхап ҳәа ацуҭа иатәыз зегьы ааилаланы хәыц еиқәаҵәа зламыз аџьмашьтәақәа ҩба аархәеит. Хәыҷидуи рҽааибаркны ааигәа иҟаз абнахь ицеит. Уа Ахьы Зосҳани иара
иԥшәма Ханиа Шкәакәеи рзы ахәы дырхиеит. Иршьыз ашьтәа
жәны ианҭырга, инаганы ашәымкьаҭ иқәырҵеит.
Уа абнаҿы иааганы ипашәшәӡа аиара зныз акаруаҭқәа ҩба
дыргылеит. Аиара илатәан ҩыџьа аҳәса ҿарацәа – аамсҭа ҭацаки
нхаҩы ҭацаки. Рҳәынҵәрақәа ԥыртны, раԥхьа абырфын касқәа
ақәыршәны иҟарҵеит.
Еизаны иҟаз зегьы, ахәыҷы инаиркны аду иҟнынӡа ршьамхқәа
арсны иаагылеит. Ацуҭа аиҳабы Ахьы Зоусҳани Ханиа Шкәакәеи
дрымҵаныҳәеит. Уи урҭ дрыҳәеит хыхьтә илбааны иааины,
згәыԥҳәы аартны ара итәоу аҭаца ҿарацәа ргәыԥҳәы инакьысырц
азы, иара уи алагьы ацуҭа иатәу зегьы ҷкәынцәас иҟарҵарц азы.
Урҭ агәра ргон уинахыс урҭ ацуҭа зегьы ирҭынхацәахоит ҳәа.Уи ала
рхы еиқәдырхоит ҳәа игәыӷуан. Анацәа итәаз рааигәара игылан

иреиӷьыз ҩ-ҽык кәадырны.Ҽык иақәын ахаҵа кәадыр, егьи – аҳәса
ркәадыр. Хыхьтә илбааз ԥас ианыҟарҵалак ашьҭахь зегьы латәаны
шьыбыжьхьа рфон. Иахьтәаз аҭыԥ аханы аԥылгыды ықәырҵон. Уи
имҵарҵон дара зегьы ирбар иҟамлоз, аха ара иааины иҟаз Ахьы
Зоусҳан.Уи диватәан иԥшәма Ханиа Шкәакәа.
Акранырфалак ашьҭахь, уи еизаз зегьы ашәа ҳәо, игылаз аҽқәа
рыӷәрақәа кны, иҽыжәыз асасцәа дахьқәа ақыҭа иалганы инаскьаргон, жәа-километрак рҟынӡа ақыҭа иалганы. «Ишәҭахызар
ихашәымҵан, – ҳәа сеиҳәеит ацуҭа иатәыз аӡәы, – уи ԥас
дахьыҟаҳҵаз ауп ҳара ҳаиқәзырхаз, ҳцуҭа иатәыз аӡәгьы уи ачымазара дамгаӡеит»3.
Алитература
1. Пантиухов И.О. О мифах и поверьях туземцев Рионской долины.
Газ. «Кавказ», 1867 №28.
2. Абхазия и абхазы в российской периодике. Книга I. Сост.: Агуажба
Р. Х., Ачугба Т. А. Сухум, 2005, с. 338.
3. Чурсин Г. Ф. Материалы из этнографии Абхазии. Сухуми, 1956,
с. 211.

Хәажәкыра
Хәажәкыра – аԥсуаа раԥхьатәи ааԥын мза азы игылаз ам­заҿа
аԥхьатәи ашәахьа ауха ахәажә кны аҿиареи, аиз­ҳареи, аӷьацареи
рзы имҩаԥырго аныҳәара ауп.
Ааԥын ныҳәароуп уи хымԥада. Ааԥын аԥсабара «аԥсы ҭалоит»
ҳәа ирыԥхьаӡоит аԥсуаа. «Аԥсабара аԥсы анҭала», зегьы рыԥсы
еивыргоит. Арахә ҿиоит, ашьац ҿа иаҵәаӡа игылоит, ашәаԥыџьаԥ
рҽеиларҳәоит, ауҭраҭыхгьы еинылоит. Аха Хәажәкыра ҟамҵакәа
аиаҵәарагьы (аџыш, аџьымшьы) рфаӡомызт, «иҵасым, афара азин
ҳамаӡам» ҳәа ирыԥхьаӡон.
Ажәытәӡа еиԥш иахьагьы ахәажә кны ауп раԥхьа иныҳәо
дышныҳәо. Уаантәи иаауеит иара аныҳәара ахьӡ ахаҭагьы. Ианы­
мҩаԥырго аамҭагьы «Хәажәкын» ҳәа иашьҭан, иашьҭоуп. Абраҟа
иҳәатәуп, жәытәла аԥсуаа ачыӷь кны ишахныҳәоз атәы. Иахьа аҵәца ҩыла ирҭәны ишахныҳәо еиԥш иҟаӡамызт ажәытә

аамҭақәа рзы. Ажәакала, аԥсуаа ачыӷь акәын изыхныҳәоз, иара
убас – ианшәиуазгьы. Ачыӷь еиҳау амч змоу даҽак ыҟаӡам ҳәа
иа­зырԥхьаӡон аҟнытә. Иахьагьы ачыӷь аӷрагылара ҟалаӡом, «уа­
шәиуеит» рҳәоит.
Хәажәкыра, ааԥын ныҳәарақәа ируаку ныҳароуп.
Аныҳәара анымҩаԥырго амш. Ашәахьа. Хыхь ишҳәаз еиԥш,
ааԥын амзақәа ираԥхьагылоу Хәажәкырамзазы амзаҿа ангылалак ашьҭахь иааиуа раԥхьатәи ашәахьа аҽны. Амза анеиҭаԥогьы
ыҟоуп.
Ашәахьа зымшьҭа бзиоу, имшу, Анцәа бзиа ибаны иишаз мшуп
ҳәа ирыԥхьаӡоит аԥсуаа.
Аныҳәара иадгалатәу: Ахәажәқәа, ашыламгьал, ахәацчаԥа,
аҟәыдыршьшьы (еиҳараӡак абжьыуаа рҿы), ахәажәҵәы.
Амҩаԥгашьа. Аныҳәа мҩаԥыргон ашәахьа анааилахәлалакгьы,
аҭаацәара ҭынч ианааилатәалак. Амажәа ркәаҳауеит ахәыӡшылеи
аши еилаԥсаны. Ашы злам амажәа аныҳәара иадугалар ҟаломызт.
Иахьа ашылеи ачашылеи еилаԥсаны ауп амажәа шыркәаҳауа.
Аҭаацәара зегьы, иара убас ирыхҭыгәлазгьы налаҵаны, хԥа-хԥа
хәажә рзыржәуан. Ажәытәан, иҟалап ахәажәқәа ҩ-формак рыманы иҟарҵозҭгьы. Иҳамоу алитератураҿы еилаԥсаны иахцәажәоит.
Н. Џьанашьиа излеиҳәо ала урҭ зны аҳампал асахьа рыман, иҟан
иҟьаԥсызгьы. Излаабо ала ахәажәқәа ахацәеи аҳәсеи рсимволқәа
аадырԥшуан. Иахьа аԥыжәара амоуп аҳампал аформа змоу
ахәажә. Ахәажә­қәа, мамзаргьы аҳампалқәа, иааизыхәхәоу аформа
рырҭоит. Хәажәык ахәажәҵәы агәыларҵон. Хәажәҵәыс иалырхуан ахәажәҵәы хәы­ҷы, мамзаргьы арасаҵәы. Ахәажәҵәы арасаҵәы
ала аԥсахра ҟа­лон. Урҭ ирымоу амчра еиҟроуп ҳәа иԥхьаӡан. Аҵәы,
мамзаргьы ахәажәҵәы «Анасыԥҵәы» ахьӡын.
Ахәажәқәа жәны ианааҭыргалак ахьыԥс цаанӡа, аҭаацәара
иреиҳабу аԥҳәысцқьа, лкасы шкәакәа ҿыц аалхаҵаны, ахәажәқәа
зну асаара аашьҭыхны, лаԥхьа ахәацчаԥа нықәыргыланы, хәажәык
аанкыланы дныҳәоит. Аҭаацәара зегьы, иара убас иаднагалазгьы, лыкәшаны иаагылоит. Лара амрагыларахь лхы нарханы:
«Зегь зымчу! Зылԥха ҳауша! Суҳәоит, абас ахәажә кны, ҳаибааӡо
ҳҟауҵарц азы. Аизҳара, аиҵыҵра ҳарба! Згьам аабо аиаҵәарагьы
ҳазбзиахаратәы иҟаҵа! Улԥха ҳагымзааит, суҳәоит! Гаӡарак аӡәы
имԥыҵҟьаргьы, дгаӡоуп, игаӡара дахумырҟьан!» – ҳәа дныҳәоит.

Дзыхныҳәаз лара иаартны дагәылаԥшуеит аҵәы агәылазар ҳәа.
Нас зегьы аишәа еикәшаны илахатәоит. Зегьы хԥа-хԥа хәажә шаны
ирылҭоит. Дасу рыхәажәқәа рыфара иалагоит. Зыхәажәқәа руак
аҿы ахәажәҵәы збаз «хәажәҵәы иоуит» ҳәа зегьы иеигәырӷьаны
идырныҳәалоит. Уи ари ашықәс аҩныҵҟа амшра змоу, аамҭа
зықәманшәалахо, изҳәо ҟало, изуа зцааило, аҩнаҭа зегьы азы имшу
ҳәа дрыԥхьаӡон. «Араҳахә иара иоуит» ҳәа иԥхьаӡан. Уи иаанагоз
ҳаԥыхьа уажәааны Хәажәкыра изаԥхьагылоу амҽышазы арбаӷь, ма
илшозар аџьма ишьыр акәын, зегьы адгаланы. «Анасыԥҵәы» ахьиоуз азы иҭабуп иҳәар акәын ашьтәа шьны.
Ахәажәҵәы иқәшәар ҟалон аҭаацәара исасны ирҭаз ауаҩгьы.
Усҟан «араҳахә» зыдлоз иара иакәын. Ҳаԥыхьа уажәааны иар­
баӷьхәы, илшозар аџьмашьтәа иаԥцаны, абри агәараҭаҿы иааганы
ишьыр акәын.
Хәажәкыра иацын ахәацчаԥагьы. Ахәац ҿа ақәцә ԥшқарақәа
ҟәшәаны иржәуан. Изларжәыз аӡы аҵхны, ирпыҵны, напыла ир­
ҟәымшәышәны акачпеи ала ирчаԥон. Акачпеи иалҵуаз арашы ала
идырҩычон. Ахәажәқәа анырфоз ахәацчаԥагьы адыркылон. Ашә
згәыламыз ахәажә «ахәацчаԥа аццоит» рҳәон. Ахәацчаԥа зфаз уинахыс «аиаҵәара» афара азин иман.
Иахьа ахәыжәҵәы ҟарҵоит аҩы аҿгьы. Аҩы зҭоу аирыӡ аҿы
ахәажәҵәы ҭадыршәуеит. Аҩы наҳауа ишааиуа ахәажәҵәы заҵә­
цаҿы илеиз «аҩаҿы араҳахә идуп» хәа ирыԥхьаӡоит. Ҳаԥыхьа
уажәааны, ашьтәашьраан, аҩы армазеира, аныҳәа адгалара иара
иахь ииасуеит.
Аныҳәа иацын ахәмарра, аччара. Аҿар шәаҳәон, икәашон аҵх
агәы ааҩнашаанӡа. Ажәытәан Хәажәкыра аԥсуа ҭаацәарақәа зегьы
рҿы иҟарҵон. Ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы ргәы хәыҭ-хәыҭуа уи ааира иазыԥшын, «ахәыжәҵәы зауа дарбанушь» ҳәа инеидҵаало.
Алитература
1. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1960, с.26.
2. Аԥсуаа рфольклор. А.А. Аншба иматериалқәа. Еиқәиршәеит, аԥхьа­
жәеи азгәаҭақәеи иҩит З.Џь. Џьапуа. Аҟәа, 1995, ад. 377.
3. Илҳәамҭоуп Чкотуа Зинаида. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
ԥхынгәы 24, 1987 ш. азы.

Аҳаш/Аҳаҷҷа
Аҳаш//Аҳаҷҷа- зымҵан аԥсуаа ақьабз хкқәа мҩаԥыргоз иԥ­шьоу
ҵлоуп.
Иазҳауеит абнарақәа рҿы. Абжьыуаа рҿы ари абынҳа жәла хкы
Аҳаш ҳәа иашьҭоуп, абзыԥқәа рыҟны – Аҳаҷҷа.
Аԥсуаа Аҳаш амчра ду амоуп ҳәа агәра шыргоз атәы ҳнарбоит,
ижәытәу ақьабз Аҭәҳәара анымҩаԥыргоз ирҳәоз ажәақәа жәпа­кы
реилазаараҿы ахьӡ ахархәара ахьамоу.
Аҭәҳәаҩцәа ажәақәа аҳа, аҳаш, аҳаҷҷа рхы иадырхәон, иа­
дырхәоит алаԥш ахаҭа даара ишыцәгьоу азгәаҭаразы: «аҳасса
зырхәцыз», «аҳасса ықәзырҩааз», «аҳасса зырҟәдыз», «аҳасса зыр­
хәаз», «аҳаҷҷа зырхәтәыз»; иара аҵла ахаҭа амчра ду алкааразы:
«аҳаша зыхәшәтәыз», «аҳаҿыс амҵа уаҵахәмар», «аҳаҿыс уадгылаз», «аҳаша аҳаша иҿоу». Арҭ ажәақәа рыла аҭәҳәа амчра аз­
дырҳауан. Алаԥшҭәҳәа атекст аҿы иуԥылоит:
…Алаԥшцәгьа аҳаҷҷа далыҩрит,
Аҳаҷҷа амӷ ҩаилшьшьит.
Бжьы-мшынк дырхсырууаан,
Аабатәи дҭасшьит1.

Аҳаш ҵлақәа рцәаны иахьеилагылоу аҭыԥқәа рыҟны аныха­қәа
тәарҭас иҟарҵон, аҭыԥгьы ахьӡ ахылон. Гагра ақалақь иатәу адгьыл
ҭыԥ Алаҳаӡы азааигәара иҟоу ашьха Ӡыхьча ашьапаҿы ишьҭоуп
Аҳаш-ныха захьӡу аҭыԥ2. Иҟоуп аԥсуа хылҵшьҭра иатәу ажәла Ҳаш
(Ҳашаа, Ҳашба).
Аԥсны адгьылҵакыраҿы ирацәоуп ажәа Аҳа злоу аҭыԥхьыӡ­
қәа: Аҳаҷҷархәы, Аҳарҩа – Уачамчыра араион аҿы шьхак иахьӡуп,
Кәат-кәат иҳа – Арасаӡыхь ақыҭаҿы аҳабла ахьӡ. Аҳаш ахәыҷқәа
ахьчоит ҳәа иԥхьаӡаны адуцәа ахәыҷқәа ирабжьаргон уи амҵан
ихәмарраларц, итәаларц, ааигәа иҟазаарц.
Аҳаҷҷа алшара амоуп ҳәа иалырхуан амҳаҵәқәа, асаанқәа, аиа­
ҳәақәа.
Ахәшәтәыҩцәа имаҷымкәа рхы иадырхәон ауааԥсыра рыхә­
шәтәраҿы:

1. Ашьхыц зыцҳаз иахьицҳаз аҭыԥ аҳаҷҷа абӷьы ҟәаҟәаны, рҿы
иҭаҟаҟаны, ма ихәахәаны иақәырҵон – ашҳам ашьа ашҟа иашь­
ҭӡом, арахь иалнахуеит ҳәа азыԥхьаӡаны.
2. Амаҭ зыцҳазгьы аҳаҷҷа абӷьы кьакьоуп азы иҟәаҟәаны иҿар­
ҵон, мамзаргьы аӡы алхны идыржәуан.
3. Аҳаҷҷа аӡы ашоура артәоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Аҳаҷҷа абыӷь­
қәа напык азна, аӡы аахаҵәо, амца инақәыргыланы идыршуан.
Иаҵырхуаз аӡы ахьԥс анаацалак, аха ишыԥхаз, амцашоура змоу
ҽнак хынтә-ԥшьынтә хпыҿк-хпыҿк азна идыржәуан, аԥхӡы илнахуеит ҳәа.
4. Аҳаш/Аҳаҷҷа иалырхуан Абақьмаз. Зшоура шьҭыҵыз аԥхӡы
илхразы аӡыршы Абақьмаз алаҭәаны идыржәуан.
Абақьмаз аҟаҵашьа: Аҳаҷҷа рҟәыбон. Иҿаз аҳа ссақәа аҳаҟьа
ду иқәҵаны ахаҳә ала иаасуа ирхәахәон. Ачуан илҭажьны, аӡы
аахаҵәаратәы инаҵаҭәаны амца иақәдыргылон. Идыршуан иқа­
шьха, итатаӡа, еилассы иҟалаанӡа. Аҭабара аҽаназнакуа аамҭа­зы
амца иақәыргон.Уи ацха еиԥш ихаахон. Ацха анынҵәа­лак, ацха
ацымхәарас амгьал нӡаашьны ирфон3.
Абынҳажәла хкқәа иреиуоуп Ақәԥсҳа, Алуҳа, Аҽадҳа, Акәапеиҳа.
Урҭ зегьы абнақәа рҿы ирызҳауан, иара убас инеиужьны ишьҭаз
аԥсуаа ргәараҭақәа рыҟынгьы. Амҵан саси-ԥшәымеи ыҵатәаны
ицәажәон, абдуцәа ажәабжьқәа рмаҭацәа ирзеиҭарҳәон, аҭаҳ­
мадацәа еидтәаланы ажәабжьқәа рҳәон. Ашьашәыр ду иҟанаҵоз,
кәыркәа мзазы амра иахылҵуаз ашоура бааԥсы аҟнытә иахьчон.
Ақәыԥсҳа аԥсуаа жәытәнатә аахысгьы иалкааны ирыман.
Зыхьӡ-зыԥша хара инаҩхьаз, ахацәа нагақәа аныԥслак, рыбаҩқәа
«ацә ацәа илаҳәаны аҵлаҿы иқәырҵон»4, мамзаргьы икнарҳауан.
Ақәԥсҳа, хықәкыла, абарҭ аԥсыбыҩцәа зқәырҵоз ҵлоуп5. Аԥсуа
сахьаҭыхҩы ҟаза Баҭал Џьапуа ари ажәабжь иалхны «Аԥскнаҳара»
захьӡу аусумҭа аԥиҵеит.
Ажәа Ақәԥсҳа ажәар аилазаашьа абас иҟоуп: ақә+ аԥсы+ аҳа.
Иаҳәогьы «зықә аԥсы дықәырҵоз аҳа» ҳәа ауп.
Алитература
1. Илҳәамҭоуп Чкотуа Зинаида Мақьҭаҭ-иԥҳа. Ианылҵеит Ц. Габниа.
Џырхәа ақ., 27.07. 1989 ш. азы.

2. Акаба Л.Х. Исторические корни архаических ритуалов абхазов. Сухуми, 1984, с. 50.
3. Аджинджал И.А. Из этнографии Абхазии. Сухуми, 1969, с. 415.
4. Гулиа Дмитрии. Собрание сочинении. Т.6. Сухуми, 1986, с. 109.
5. Иҳәамҭоуп Џьонуа Борис. Ианылҵеит Ц. Габниа. Аҟәа, 08.08.
1989 ш. азы.

Аҳәыҳәха
Аҳәыҳәха – ахаҵа шьахә, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз дан­ԥслак
ишықәсеиныхра аан имҩаԥыргоз аицлабрақәа иреиуаз, Аԥсы
ирҽеира иахәҭакыз аԥсуа қьабзқәа ируакуп.
Аҳәыҳәха захьӡу зхысымҭа камшәо ҳәа имҩаԥырго аицлабра
аан изеихсуа, ацәҟьара зуа амаҭәар ауп. Ишааиуаз аритуал ахаҭа
хьӡыс ишьҭнахит.
Аҳәыҳәха аххьа рахәыцқәа ирылырхуан. Ичқәықәӡа аҳәыҳә
ахы асахьа аҭаны иҟарҵон. Аххьа рахәыц ҩ-хацкны ишон – аххьа ҟаитани аххьа сырмеи рыла. Хьача сырмала иҟарҵоз ачыхә
аххьа ҟаитан иахьындырҳалон. «Абас ххьа рахәыц хацла еибыҭоу
ачыхә ауп аҳәыҳәха захьӡугьы. Абри аҳәыҳәха ауп аимҭахараҿы
икнаҳаны изеихсуа»1.
Аицлабра иадгалатәыз. Ажаҵла амахә иалху ашьаҟақәа ҩба
ацәа рхыхны, ипашәшәӡа идрыцқьон. Урҭ ашьаҟақәа наҟ-ааҟ жәа­бажәаба ҽышьахәар рыбжьаҵаны иадырсуан. Ашьаҟақәа раҳаракы­
ра хәба-хәба ҽышьахәар иҩаӡозар акәын. Ашьаҟақәа ирыбжьырдон аихатә даҷ нацәкьыск аҟара зышәпара ыҟаз. Адаҷ аҟны иа­
хьындырҳалон аҳәыҳәхақәа ԥшьба-ԥшьба рагыд рыбжьаҵаны.
Ианымҩаԥыргоз аамҭа. Ашықәс цәымзаркыра амш азы
ашьыбжьгәы ианынхыҳәҳәалак.
Амҩаԥгашьа. Х-ҩык аҽҟазацәа, ахысҩы еиҵамхаҩцәа рҩыз­
цәа иаарылҵны рҿаархон. Аҳәыҳәхақәа ахьыкнаҳаз аҭыԥ шәҽышьахәарк аҿынӡа ианазааигәахалак уа иаагылон. Аицлабра аԥҟарақәа рықәныҟәашьа азгәаҭаразы аԥышәа ду змоу ҳәа
ирыԥхьаӡоз хҩык алырхуан. Урҭ руаӡәк ахысырҭа ацәаҳәа ҳәа
арацәа ҭаԥсаны иалырдахьаз аханы днеины дгылон, икьарахә
ырмазеины икны. Раԥхьатәи ахысра иаҭәаршьон аҵәҭаԥсара­
ҿы аҵәы зықәшәаз. Уи днеины ацәаҳәа иалдаз днахықәгылон.

Иабџьар иарӷьа напаҿы иааникылон. Ацәаҳәа ахаҿы забџьар ырмазеины игылаз даннаҵхалак, иара длаҵҟьан дыҩуан. Дышнеиуа
адаҷ аҿы раԥхьа икнаҳаз аҳәыҳәха дааихсны иааҿыршәаны, ишлеиуа днамҵасны иаанкыланы, уаантәи акәадыр аҟнытә адгьыл
иҽеиуатәны, дышьҭиааны, рацәак ихарамкәа ашьац қашәқашәара
иларшәыз ахьтәы ԥара аашьҭԥааны дцон. Абри аҩыза зылшаз
аҳамҭа ҷыда ирҭон.
Алитература
1. Миқаа М.И. Тур ихәаа ражәабжьқәа. Аҟәа, 2013, ад. 198-200.

АцыӶҳара
Ацыӷҳара1– аԥсуаа ирылаҵәаны иҟаз традициатә шәа­рыцара
хкуп. Ацыӷҳара ҳәа иашьҭоуп ацыӷқәа рыкразы ашьацҳәақәа рҳара.
Ацыӷҳацәа ҳәа ирышьҭан Ацыӷҳара знапы алакыз ашәарыца­
цәа. Ацыӷҳара аҵакы амоуп ацыӷшәарагьы. Ажәа ацыӷҳара иа­моуп
авариантқәа рацәаны: «ацыӷкра», «ацыӷшәара», «ацыӷшәарыцара»,
«аԥсҭашәара», «абназара», «абнашәара», «абнаныҟәцара», «аны­
ҟәара» уб иҵ.
Ацыӷҳара ишцоз, ицар иҟалоз, иҟаз ашьарақәа.
Цыӷҳара еиццон зҳәатәы еиқәшәоз ҩыџьа, хҩык, ԥшьҩык
рҟын­ӡагьы. Заа иахьцаша аҭыԥ алырхуан еицеиқәшаҳаҭны. Цыӷ­
ҳара иахьцоз еиҳарак аԥсҭақәа рахь акәын: «Жьҭааншьҭахь еицны маӡаҭыԥк аҟны маӡа қьалак ҟарҵон уаҩы иахьиҿахырсҭам, ма
аҳаԥы амазар, уа рҭыԥ ылырхуан. Аӡын аԥхьаразы аҭыԥ маҭәа­хәы­
ла еиқәыршәаны ихынҳәуан»2.
Цыӷҳара ицоз «иҩны иҟоу» (иԥҳәыс) лцәа лтәымкәа дыҟазар
дхынҳәыр акәын. Уи акәым, зцәа зтәым аԥҳәыс дахьыҩноу аҩны
аҟнытә хаҵак цыӷҳара ицо дрыццаргьы ҟалаӡомызт, «иатәым»,
«иҵасым» ҳәа. Ус иҟоу лхаҵа ацыӷ ихәарны ишьыр, ма деихсны
ишьыр, ԥхьаҟа иираны иҟоу ахәыҷы даниуа агра, ма ҿаасҭарак
инны диуеит ҳәа иԥхьаӡан. Мамзаргьы диаанӡа дыԥсуеит, ма ан
дыԥгоит//дыԥхасҭахоит рҳәон. Урҭ зегьы дрыцәцаргьы, ан лыхшаароура арманшәаломызт, иарцәгьон.3

Цыӷҳара ицарц згәы иҭоу мчыбжьык шыбжьоу ихы-иԥсы иры­
ц­қьароуп (иԥҳәыси иареи «изеибамдыруашәа» ҟарҵар ауп).
Рԥаҵақәа рсаӡомызт, рҽыркәабаӡомызт, ажәа џьбара рҳәомызт,
ишәиуамызт, имчны ицәажәомызт, аҭаацәараҿы ажәеимакра ҟа­
ломызт, аӡәгьы гәынамӡарак ааирԥшомызт. Арыжәтәгьы рыжә­
ӡомызт, иахьцо иргаргьы ҟаломызт. Ианцалакгьы, иаанӡа аҭаа­
цәарақәа рыҿгьы хаа-хаа еицәажәон, ус ҟарымҵар шәарыцара
ицаз ирԥырхагахоит рҳәон.
Ацыӷҳара ианцоз аамҭа. Ацыӷҳарахь ианцоз ашьхарахь асы
анлеилак акәын, аҵаақәа анҵыслак. Ацыӷқәа аӡын рхәы азҳа­уеит,
аԥхын икаԥсоит. Убри аҟнытә аӡын урҭ рыкра еиҳа еиӷьуп, рцәа ахә
бзиахоит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Ацыӷҳара ицоз еихылаԥшуан, гәыԥҩык ацәҟьа ахьырҳаз егьырҭ
неиуамызт. Урҭ рышьҭа збаз, ирбаз ашьҭа акалам ҭаршәны ицон.
Акалам збаз идыруан, дара ара ишышәарыцо збаз шыҟоу, «шәышьа­
ҭа аабеит» ҳәа акәын уи иаҳәозгьы. Ари аԥҟара иԥшьоу ԥҟаран, еилазгоз «Ажәеиԥшьаа» ԥыла бзиа ииҭом, деиқәиршәом рҳәон.4
Ацыӷҳара амш.
Абзыԥқәа рҿы цыӷшәара ицон шәахьала, ма аԥшьашак аҽны.
«Аҩашаҽны ақәыџьмаҵәҟьа игәаӷьны ахәыц алнаршәом», рҳәон
уа. Аинформантцәа изларҳәаз ала «амҩа аартра ҟалаӡомызт аҩаш
аҽны». Аҩаша ашәарыцаҩцәа ацәҟьа ҳаны иахьрымоу агәаҭаразы
ицаӡомызт. Ацыӷ ацәҟьа ишаҿоу рбаргьы иаҿырхӡомызт, ашәарах
уи аҽны аихсра ҟалом ҳәа.5
Абжьыуаа рҿы цыӷҳара ицон аҩаша, ма аԥшьаша аҽны. Ажәлақәа
дасу рымшшьарақәа раангьы шәарыцара ицомызт.
Ацыӷқәа рынцәахәы.
Ацыӷқәа дырхылаԥшуеит ҳәа иԥхьаӡоуп ашьхымза рынцәахәы
ԥҳәыс Анана-Гәында. Аҩаша аҽны цыӷшәара, мамзаргьы цыӷҳара
анҭыҵра ҟалаӡомызт, аха Анана-Гәында лыхьӡ ала аҩаша аҽны
аныҳәара ҟалон. Иныҳәоз ацыӷҳара еиццоз агәыԥ реиҳабы иакәын.
Уи «амасаба» ихьӡын абна бызшәала. Аныҳәара шьыбжьаанӡа,
амра аныҩхашлалак имҩаԥыргон. Уинахыс аныҳәара иаԥсам,
уныҳәаргьы уныҳәара мчы аиуӡом ҳәа иԥхьаӡан.
Ишныҳәоз. Аныҳәаҩ иҿы амрагыларахь ирханы дныҳәон.
Егьырҭ иармарахь ала ивагылон. Дныҳәон абас: «Ари заҳауа Ан­
цәа ду! Ари иҳақәиҭу ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп! Бара Анан

Ахьаҳкәажә Ду! Ашәҭмышәҭ инкаҳауа ирхианы иҳаҭ! Қәнагала
иҟаларатәы иҳақәыршә, сбыкәыхшоуп! Ашәарах абна илаҵаны
ибымоу ҳхыбымбаан! Ибымфац, ибымжәыц ҳадбымгалан! Ҳгәы
злаӷьара ҳақәыршә, сбыкәыхшоуп!»6.
Ацыӷқәа рцәа ахә бзиан. Уи иазышәарыцоз, иахәҭаз аус адуланы изҭиуаз ахашәала бзиа рнаҭон.
Аԥсны иаҭаауаз ацыӷ ацәа иазҿлымҳан. Аҳәаанырцәтәи аны­
ҟәаҩцәа аӡәырҩы ацыӷҳара иазкыз анҵамҭақәа маҷымкәа акьыԥ­
хьымҭақәа рҿы инрыжьит: Евлиа Челеби, Жан Шарден, Едмонд
Спенсер, И. Аверкиев уҳәа убас имаҷҩымкәа. Ари акультура хкы
азы аҭоурыхтә, аетнологиатә материалқәа уԥылоит аԥсуа ҵарауаа
С. Басариа, Гь. Ӡиӡариа, Хә. Бӷажәба, Ш. Инал-иԥа рыҭҵаарадырратә
усумҭақәа рҿы.
Ацыӷ (урысшәала – куница) бнатә шәарахуп, ахьӡ авариантқәа
маҷымкәа иамоуп: ахәыԥшқа (абна бызшәала абжьыуатәи адиалект
аҿы), ахәымш (абзыԥтәи адиалект аҿы); ажәа ацыӷ авариантқәа –
ахәбыб, агыгшәыг хәыҷы уб.иҵ..
Ацыӷ аӡбахә ыҟоуп ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рыҟны. Нарҭ
Сас­рыҟәа ихҿа рхианы дзеиҩаӡо ашәарах хкқәа иреиуоуп иара:
«Сасрыҟәа ихҿа ааирххеит, аха ашәарах цқьа данахәаԥш, ахысра изымгәаӷьуа даашанхеит, избан акәзар, убри ацыӷ акалашәа
иԥшӡан»7.
Апоезиаҿы иуԥылоит алексема «аҵыӷшәа», еиҳарак уи апоетцәа
рхы иадырхәоит ауаҩы еиҿартәышьа шаҟа иԥшӡоу ҳәа ашәа
аназырҳәо аан, «иӡара еиҩаҳаҳа ҵыӷшәа», ма ахаҵа иеилҟьара арбаразы еиҿырԥшрак аҳасабла – «уи аҵла аҵыӷ еиԥш дықәлон». Атермин «абгарцыӷ» рхы иадырхәоит ацәажәараҿы, ажәеинраалақәа
рыҩраан ауаҩы иԥшра, иплан азгәаҭаразы, аиҿырԥшразы –
«абгарцыӷ аԥшра иҭаны», «дыбгарцыӷушәа дҟаԥшьӡа».
Иҟоуп ацыӷ ажәа злоу ажәаԥҟақәагьы: «Багаԥшьаа рцыӷ аҵла
иқәцалан ахә ршьон» ҳәа, «Ацыӷ аҵла иқәцаланы ахә зшьоз
реиԥш», «Ацыӷцәа зҭиуа дыччаанӡа ахә иауеит», «Ацыӷ хәҿа аагара
ицаз, ахәыжәгьы изаамгеит» ҳәа8.
Аԥсуаа зымшьҭа цәгьоу аԥстәқәа алкааны ирымоуп. «Аԥсуаа
ацыӷи, ацгәи, ажьеи зымшьҭа цәгьоу ԥстәуп, уи зԥылаз, ма
зымҩа еихнаҵәаз, уск азы амҩа иқәу ауаҩы дахьцо деиқәшәом,

дманшәалахом ҳәа ирыԥхьаӡон»9. Ашьыжь ацыӷ зымҩа еихнаҵәаз
ауаҩы дахьцо дманшәалахаӡом, деиқәшәаӡом, рҳәоит.
Ирацәоуп ажәа «ацыӷ» иахырҿиаау ажәақәа: «ацыӷҳара», «ацы­
ӷшәара», «аҵыӷшәа», «ацыӷҭра», «ацыӷҳаҩы», «ацыӷкра», «ацыӷ­
кҩы», «абгарцыӷ», «ацыӷмҩа», «ацыӷырҭа», «ацыӷцҳақәа» уб иҵ.
Аԥсны иануп ацыӷқәа хыԥхьаӡарала имаҷымкәа. Аԥсуаа иалыркаауеит ԥшь-цыӷ хкык: аԥсарцыӷ, ашәрацыӷ, абгарцыӷ, аахыџьыр
цыӷ. Аԥсарцыӷ ахәда ҟаԥшьуп. Убри аҟнытә «ахәҵаԥшь», «ацыӷ
хәҵаԥшь», «ацыӷ хьыԥштәы», «ахьԥштәыла ҵыӷ» ҳәа ахьӡ ҷыдақәа
аҭаны ирымоуп. Аԥсарцыӷи ашәрацыӷи еиҳараӡак абнарақәа
рыҟны ауп иахьуԥыло. Абгарцыӷ абнаршәыра бааԥсқәа рҿы ауп
еиҳа иахьамоу. Абгарцыӷ егьырҭ ацыӷқәа раасҭа ашәагаа еиҳауп,
аха абгахәыҷы аасҭа еиҵоуп. Ибжьаратәшәа иҟоуп. Ҭеиҭыԥшла
акыр абга иазааигәоуп, еиҳарак ахаҿы. Убри азы ауп иаргьы аб­
гарцыӷ захьӡу.
Абгарцыӷ, шамахамзар, адгьыл иқәгылаӡом, аҵлақәа иры­
бжьыԥо ауп ишныҟәо. Аҵла агәаҩараҿы иҭаланы иԥхьоит, уа аҭыԥ
ҟанаҵоит. Иуԥылоит аԥсҭақәа, аԥсара храқәа, аҿаҩақәа рыҟны.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Амифи аритуали - 11
  • Büleklär
  • Амифи аритуали - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3580
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3614
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2145
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3642
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2095
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3614
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3626
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3670
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3629
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2152
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3610
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2027
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3551
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2028
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3600
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2178
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3603
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2191
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3565
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2164
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3578
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3672
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3649
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2372
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3599
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2081
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3028
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1914
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.