LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Амифи аритуали - 09
Süzlärneñ gomumi sanı 3551
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2028
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
абжаранӡа илеины иҟазар, ара алаԥш ыҟоуп, аҭыԥ амшьҭа цәгьоуп
ҳәа аҩны дыргылаӡомызт3.
4. Г.Ф. Чурсин Оқәым ақыҭан ианиҵаз аматериал аҿы иарбоуп
даҽа гәаҭашьакгьы. Аҩны аргыларазы иалырхуаз аҭыԥ аҿы аԥҳал
азна аӡы ҟаҵаны идыргылон. Уахык уа игылан. Аԥҳал шҭәу иаанхар, уи аҭыԥ мшын, мамзар амшьҭа цәгьоуп ҳәа иаанрыжьуан.
Аҩны ргыланы ианалгалак «адгьыл ахылаԥшҩы» ҳәа иныҳәон.
Аныҳәара аан аҩны акәакьқәа рҿы ҵәымӷк-ҵәымӷк адгьыл иа
ларҵон. Аҵәымӷ алаԥши амшьҭа ацәгьареи рҟнытә иахьчоит ҳәа
иԥхьаӡан.
Алитература
1. Гулиа Д.И. История Абхазии. Ч. 1. Сухум,1925, с. 176.
2. Аджинджал И.А. Из этнографии Абхазии. Сухуми, 1969, с. 67.
3. Чурсин Г.Ф. Материалы по этнографии Абхазии. Сухуми, 1956, с. 104.
Аураашьа
Аураашьа1 – аԥсуаа амхқәа анҭаргалалак, «ҽаҩра ныҳәа» ҳәа
аныҳәара иҟарҵоз иадҳәалоу қьабзтә кәашароуп.
Уи «Аибаркыра» еиԥшымызт, кәашара ццакын.
«Ҽаҩра ныҳәа» анымҩаԥыргоз аҽны акәын еиҳараӡак «Аураашьа» ҳәа ианыкәашоз. Икәашоз аҿарацәа ракәын, аха зықәрахь
инеихьазгьы урҭ ирылагыланы икәашар ҟалон.
Ашәа ирҳәоз хьӡыртәра ашәан. «Ихьӡыртәуаз» ахапа зҳәоз
иакәын.
Акәашашьа. Жәҩахырла иааидгылон, нас рнапқәа неиҵыхны
иааибадыркуан. Икәашон ишьацәхартәуа мацара. Армарахьтә
арӷьарахь еикәшон. Дара икәашо иқәызгьы, наҟ ирыхәаԥшуа игылазгьы ашәа еицырҳәон. Аӡәы ахапа иҳәон.
Ирҳәоз ашәа ацыԥҵәаха:
Уарӷьа иаку дааудхала, – аураашьа!
Уарма иаку уҩаиҵасла, – аураашьа!
Агәуа ҵасгьы шәымлаӷь – лаӷьын – аураашьа!
Ашәуа ҵасгьы шәеибарзаза, – аураашьа!
Шьхароушәа «адрым» шәырга, – аураашьа!
Ажәа «аураашьа» икәашогьы, ирыкәшаны игылоугьы еицыр
ҳәоит рефрен ҳасабла. Ашәа егьырҭ ажәақәа зҳәо ахапа зҳәо иоуп.
Знык ианырҳәалак ахапа зҳәо рҽырыԥсахуан. Раԥхьа изҳәо аҽа
ӡәы иааимданы аҳәара дналагон:
Уан лҭаца дзеиԥшроу уасҳәап, – аураашьа!
Ацгәы еиқәаҵәа ашьапхыц лымоуп, – аураашьа!
Санҩеиуаз абҟәыл дахан, – аураашьа!
Напымыӡәӡәа ҿахра ҳампал, – аураашьа!
Шьапымыӡәӡәа иарҭақәԥала, – аураашьа!
Лышьхәа аҭыԥгьы лашак ҭаԥсит, – аураашьа!
«Акәашацәа кәашоит, зны-зынлагьы иааивагьежьлоит ҩыџьаҩыџьала!» Абри аҭыԥ аҿы ашәа аҵакы аҽаԥсахуеит, ашәаҳәаҩ хапа
ҿыцк аҳәара дналагоит:
Сан лҭаца дзеиԥшроу уасҳәап, – аураашьа!
Ашьха каԥкаԥ абжьы лхоуп, – аураашьа!
Амсырқьаадыш ацәеижь лықәуп, – аураашьа!
Сҭампыл қаруа еиԥш лыбла ҭыԥхоит, – аураашьа!
Гагра ашыцра (ашыцәра) еиԥш деихыхашәоит, – аураашьа!
Абла гәыкы, қьышә патырқал, – аураашьа!
Ҳаи, ахацәа, иакәшәырӷызы, – аураашьа!
Шәшьапышьҭыбжьы иардыдыроуп, – аураашьа!
Абри ашәа анырҳәалак ашьҭахь икәашо рҽыршоит, уи анаҩс
ҩыџьа-ҩыџьала аицыкәашара иалагоит. Зегьы еицлабуеит еиҳа
еиӷьны икәашо ҳәа. Икәашо агәыԥқәа рыкәашараҿы дасу ихатәы
ҟазшьа амазароуп. Зегьы ауаа еиҳа излахаҳхри ҳәа ихәыцуеит, излахырхша ҷыдарақәак аларгалоит. Ахыркәшарахь инеиуа ианалагалак, анапеинҟьабыжьгьы ццакхоит, акәашацәагьы идырццакуеит, иара убас ашәаҳәацәагьы.
Алитература
1. Шьынқәба Б.У. Ахьырҵәаҵәа. Аҟәа, 1990, ад. 479–480.
Ахнырҳәра
Ахнырҳәра – ауаҩы, аԥстәы, аԥсаатә ирыхьуа ачымазара ралыргаразы аԥсуаа жәытәнатә аахыс имҩаԥырго аритуалқәа ируакуп.
Ахьӡ еиԥшымкәа ирҳәоит, аха рацәак аивыгара рымам. Аритуал
ахаҭа Ахынырҳәра//ахнырҳәра ахьӡуп. Зыда ԥсыхәа ыҟам ҳәа ахьӡ
шьаны рхы иадырхәо «ахнырҳәтәы//ахнырҳәы» ахьӡуп.
Аԥсуаа ажәытәан ирыхьуаз ачымазарақәа зегьы реиҳа амчра
змоу акы, ма идыргәамҵыз Анцәахәқәеи, зыԥсы ҭынчым Аԥсцәеи
роуп изхароу ҳәа ргәы иаанагон, иагьхарҵон.
Аԥсуеи аԥсуеи анааиԥыло «ушԥаҟоу?» ҳәа руаӡәк ииҳәоз
азҵаара, егьи «хар сымам» ҳәа аҭак ҟаиҵон. Уи иаҳәоз ахара сыдым, ачымазарагьы сааигәа иҟам ҳәа акәын.
Ауаҩы дычмазаҩхар «иԥсы аӡәы иҭахуп», иҿыхтәуп, иҿырымхыр
хара дызнеиуам ҳәа иԥхьаӡан. «Хәыц еиқәаҵәа злам» аџьмашьтәа
ршьуан «амчра дуқәа» змоу, ма «ахьԥшы» рзы, дара роуп ачымазара азаазгаз ҳәа агәра ганы. Ашьтәашьрала ачымазаҩ дыбзиамхар дызхәышәтәуаз Аԥшҩы, ма Аҟәыдырԥаҩы «аҿаҭахьа» ҟалҵон,
«дыбзиахар, абри еиԥшу «ашьтәа ухьӡала ашьа шкаҳҭәо» ҳәа. Аҩны
ахыб аҵаҟа аиха, аигәышә, мамзаргьы ҩнымаҭәахәык шасыс инрыжьуан, ашьа акаҭәара ашьҭахь идырхынҳәуан.
Аха ачымазаҩ деиӷьымхар, имҩаԥыргон ачымазара даҽаџьара,
ма даҽаӡәы иахь аиагара иазкыз ақьабз.
Ачымазаҩ дыԥҳәысзар, шкәакәа маҭәала деилаҳәаны, акасы шкәакәала лхы ҵакны агәарԥ агәҭа днаганы, амрагыларахь
лхы рханы ддыртәон. Аԥҳәыс цқьа лакәын ақьабз мҩаԥызгоз. Уи
ачымазаҩ арӷьарахьтә армарахь ала аҽы бзиа (рацәак зхымҵуа,
аха ибжьоу), ма ацәҵыс, мамзаргьы ажә (дхаҵазар ацәҵыс) хынтә
илыкәлыршон абас ҳәо: «Бхьаа-баақәа зегьы иахьа инаркны абри
ахь ииасааит!». Нас арасаҵәқәа хԥа, ма ҩажәа (ачымазаҩ) лхы
иакәырхшаны арахә абӷа иқәлыршәуеит. Арасамаҵә//афырмахьҵә
ала азқәагьы «Бхаҵкы ицааит! Бхаҵкы ицааит!» ҳәа хынтә иҳәаны
днықәсуеит. Арахә уи нахыс наҟ иаурышьҭуан.
Аинформантцәа изларҳәо ала, уи арахә хара инеиӡомызт,
ԥшьаала иԥсуан. Иршьыр ҟалаӡомызт, адәы иқәын ахала иԥсаанӡа.
Ари арахә, ма аҽы зтәыз иԥсыҵәҟьар аниҭахымыз даҽа «хшьылакгьы» ҟарҵон. Ачымазаҩ икәдырхшаз арахә наргыланы, арбаӷь
хынтә иакәырхшаны иаурышьҭуан. Уинахыс ачымазаҩ иҿынтә
арахә ахь ииагаз ачымазара арбаӷь иахыхны иагоит, иара акгьы
ахьӡом ҳәа иԥхьаӡан.
Ари аҩыза аритуал мҩаԥыргон, иара убас, ауаҩы амҩа хара
данықәлоз. Ан лыҷкәын машәыр имыхьырц азы арбаӷь аанкыланы ихы хынтә иакәлырхшон, аика ааԥҟаны илахь ашьа нахьшьны «ихьша уара иумазааит!» ҳәа иаулышьҭуан. Арбаӷь уинахыс
иалакьысӡомызт, адәы иқәын ахала иԥсаанӡа1.
Ачымазаҩ игәы аныбзиахалак ашьтәа ршьуан. Зегьы рышьҭахь
аҿаҭахьа нарыгӡон. Аҵла ԥшьақәа ҳәа иԥхьаӡаз аџьи ахьацеи
рыҵаҟа, шьашәырк аҿы иныҳәаны, «ҳчымазаҩ лыԥсы ҳауҭеит,
иҭабуп» ҳәа наҳәаны ашьтәа цқьа ршьуан. Ашьтәашьыра аҳәса
адыргалаӡомызт. Аныҳәара алгамҭазы акәац зқәырҵаз ашәымкьаҭ
ашьапқәа ԥырҵәҵәон, иршьыз арахә атәыҩақәа уа ҵлак аҿы
икнарҳауан, ашьтәа ацәа иахныҳәоз Аныҳәаҩ ирҭон2.
Абас ишахәҭоу Ахнырҳәра мҩаԥугар ачымазаҩ дыбзиахоит ҳәа
агәра ргон.
Ари ақьабз Аныхагьы иадырҳәалон. Ацәыӡ зауз Ажьираҿы
днеины дыбӷон исыцәӷьычыз абри, абри дақәшәааит, абри
ада хҿыхшьа имоуааит ҳәа. Аӷьычгьы «сара ишысхарам» ҳәа
данқәуазгьы ыҟан. Ныхак аҟны акәын аӷьычгьы дахьқәуаз, ацәыӡ
заузгьы дахьыбӷоз. Ус акәын аԥҟара шыҟаз. Аӷьыч дычмазаҩхар
«аныха дакит» ҳәа иҿыхра иашьҭалон. Аӷьыч ихы ҿихыр акәын,
мамзар иҭаацәарагьы уахь иаҵанакыр ҟалон. Мыцла иқәыз изы
«Аныха ифит» рҳәон. Шьҭа Шьашә ду изы аныҳәара мҩаԥыргар
акәын. «Ахнырҳәра» аритуал аҟаҵара азин змаз Абӷаҩы иакәын.
Зегьы раԥхьа уи, абӷараан «абри ада хҿыхшьа имоуааит» ҳәа
еиқәиԥхьаӡаз, ахара здыз ирхынҳәыр акәын. Уи ашьҭахь ацәыӡ
змаз, ахара здыз иҭынхацәа иҟарҵаз аҳәарала, ачымазаҩ иҩны дааины, аиха (абџьар, ма аҟама) хынтә ихы иакәырхшо ажәа иҭиуан
(ҿаҭахьа ҟаиҵон) ачымазаҩ ишьапы данықәгылалак ашьтәа шьны
дышихныҳәо азы. «Акәырхша», мамзаргьы Ахнырҳәтәы ахаҭа иара
иҩныҟа игон, аныҳәара ашьҭахь иааганы ириҭон.
Ачымазаҩ даныбзиахалак (дыбзиамхакәа дыԥсыргьы) аџьма
шьтәақәа ршьуан. Иршьуаз ашьтәақәа рхыԥхьаӡара ачымазаҩ ихара иашьашәалазар акәын. Урҭ рхыԥхьаӡара хԥа рҿынӡа инаӡозар
руак 5 шықәса ахыҵуазар акәын, егьи – 3 шықәса, ахԥатәи – шықә
сык. Ишьтәыз ҩба ракәзар 5, 3 шықәса рхыҵуазар акәын.
Ус акәымкәа, шьтәак амацара акәзар уи 5 шықәса еиҳамзар
акәын, мамзаргьы 3 шықәса еиҵамзар акәын. Ашьтәақәа иаар-
газ Шьашәы игәаԥхазар рыҽдыршәшәоит, нас «аӡы карҭәоит» ҳәа
ирыԥхьаӡон. Ус рхы мҩаԥырымгар наҟ иаушьҭны рцынхәрақәа
ықәдыргылон. Арҭқәа рышьҭахь ачымазаҩ Ажьира дазҭаз даагыланы Шьашәы димҵаныҳәон: «Шьашәы, ахьаҳ ду, абжьныха! Уара умчала аӷьыч дыԥҽит, стәы сиҭеит, уқәнагагьы ҟаиҵеит уҟәыдырԥацәа
ишырҳәаз еиԥш, суҳәоит иахьарнахыс ихы дақәиҭутәырц!»3.
Аныҳәара ашьҭахь «ахнырҳәтәы» иигаз ахы иақәиҭын, изтәыз
иааганы ииҭон. Ахара здыз уи аныҳәара амш уинахыс ишьон, иара
изы иԥшьоу мшны иԥхьаӡон. Абас Ахнырҳәра захьӡыз аритуал
хыркәшахон. Уинахыс ахара здызи ацәыӡ заузи «еиндырнаалеит»
ахьӡын, пату еиқәырҵалар акәын.
Иахьагьы Аԥсны «Ахнырҳәра» захьӡу, хыхь зыӡбахә ҳәоу, аритуал мҩаԥыргоит. Ари ахҭыс Џьырхәа ақыҭаҿы ианҵан. Аӡәы
лыҷкәын дычмазаҩхеит. Уахынла дцәырҳаны дааԥшуа, дахьыцәоу
ибжьы рдуны Аԥсцәа драцәажәо далагеит. Иан даалаган, аҭаацәа
зегьы аныцәа, лагьанк аҽхәыц, ала ауац шкәакәа, аҽуац анҵаны
дахьыцәаз иҵаҟа иҵалыргылеит аӡәгьы лҽимырбаӡакәа. Ашьыжь
шаанӡа «ацәгьа-мыцәгьа иухьԥшыз зегьы ганы икасыжьуеит»
ҳәа дхәыҭхәыҭуа инаҳәаны, алагьан ианыз ишаныз хара иганы икалыжьит. Даахынҳәын, «сыҷкәын ихаҵкы уцааит!» ҳәа
ҿызҭхьаз арбаӷь аика аахҵәаны иаулышьҭит. «Абас ахнырҳәы
ҟасҵеит, сыҷкәын деиқәсырхеит, дрымпыҵсхит» лҳәеит иҟалҵаз
шихәарҭахаз агәра ганы4.
Алитература
1. Чурсин Г.Ф. Материалы по этнографии Абхазии. Сухуми, 1956,
с. 207–209.
2. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографий Абхазии. Сухуми, 1960, с. 77–79.
3. Аджинджал И.А. Из этнографии Абхазии. Сухуми, 1969, с. 258 – 260.
4. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда Уаҳаид-иԥҳа. Ианылҵеит Ц. Габниа.
Џьырхәа ақ., 1996 ш. азы.
Ахнышьыр аҵгара
Ахнышьыр аҵгара. Ауаа, еиҳарак ахәыҷқәа ачымазара рыхгаразы, алаԥш рыхцаразы, ацәгьа рацәыхьчаразы имҩаԥыргон Ахнышьыр, мамзаргьы Архнышьна аҵгара захьӡыз аритуал.
Амца ахьеиқәырҵоз аҭыԥ Ахәышҭаара ахьӡын. Ахәышҭаара
аҩнаҭа зегьы зыхьчо «ԥшьаҭыԥуп» ҳәа иԥхьаӡан. «Ахнышьыр
аҵгара» иацыз аритуал иара убри аҭыԥԥшьа аҿы акәын иахьым
ҩаԥыргоз. Уи ҿыцәаар ҟалаӡомызт. Ахылаԥшра знапы ианыз аҭаца
лакәын. Аҩнду иаҿыҵны ҿыцнхара ицоз аԥа, уи амцажәла ирҭон.
Амцажәла агаразы ибзианы амца зкуаз, ибылуаз амҿы акәын
амца иақәырҵоз. Амца бзианы иакуеит ҳәа иԥхьаӡан аџьҵла иалхыз амҿы. Акәасҭӷа абжа анбыллак, акәиц рацәа аиуан, ижжаӡа,
акыраамҭа ицәаӡомызт. Ҿыцнхара иалагаз ихәышҭаараҿы убри
акәасҭӷа наганы амца алеиқәырҵон. Амца уамашәа иҟоу, амчра ҷыда злоу жәҩанхылҵшьҭроуп ҳәа ргәы иабон. Амца, аԥсуаа
изларҳәо ала, амагиатә мчра иамоу иалшоит ауаҩы ихыхь-гәыхьқәа
зегьы рыхәышәтәра, ицқьам амчра, аԥсы цәгьара зегьы ихцара.
Еснагь еиқәыз амца иахакнаҳан Ахнышьыр. Раԥхьаӡа аԥсуаа
ирымаз Ахнышьыр имҿлыхын.Усҟангьы амчра ду амоуп ҳәа иԥ
хьаӡан. Ашьҭахь аиха иалырхуа иалагеит. Уи инаркны Ахнышьыр
Аныха аҟара амч аманы иахәаԥшуан: 1. Аҩнаҭа зегьы ахьчон. 2.
Адырра ҿыцқәа узаанартуан. 3. Уашәиуан. 4. Асас данааиуа унардыруан. Усҟан уи иҳаракны ишыкнаҳау акәымкәа еимҿаԥарсҭак иласкьон. 5. Аԥсра аныҟалаша ацәа ианыруан, иааԥҵәазшәа аҿақҳәа
абжьы гон. 6. Аԥшәма ахнышьыр кны дқәыр, ииҳәаз ҟалон. 7. Акгьы
ихараӡамкәа ахара здырҵаз, Ахнышьыр кны дшәиир, ииҳәаз наӡон.
Аҭаацәараҿы ахәыҷы иӷәӷәаны дычмазаҩхар, ма алаԥш дакыр
«Ахнышьыр аҵгара» захьӡыз ақьабз мҩаԥыргон.
Амҩаԥгашьа. Ахнышьыр ахьыкнаҳаз ахәышҭаара наҟ-ааҟ,
арӷьарахьала, иара убас армарахьала аҳәса цқьақәа гылон. Згәы
бзиам ахәыҷы дааргон. Арӷьарахьала аханы игылаз аԥҳәыс
ахәыҷы дылдыркуан. Лара армарахьала аханы игылаз аԥҳәыс
ахәыҷы длыркуа абас лҳәон: «Иахьа ҳара абра еизаз зегьы учымазара ухаҳцоит, ҳара ухәԥсагьы ҳшәоит, уҿаҳхуеит. Уҿыхуп, ухы
уақәиҭуп, угәы бзиоуп»2. Убас хынтә-хынтә ахәыҷы наҟ-ааҟ деимдо аритуал хдыркәшон.
Ахнышьыр иҵыргон агәамбзиара зчычаз адуцәагьы. «Агәам
бзиара ауаҩы данако ыҟоуп. Иҟәаҵӡом иара, ичычоит. Акы далҵит
зуҳәо ҽакы далаҳоит. Нас «ахнышьыр дыҵгатәуп», рҳәон. Ҩыџьа
зықәра акыр инеихьоу аҳәса дуқәа ахнышьыр наҟ-ааҟ ирхханы,
еиҵыхны икны иаагылон. Иара ихы ларҟәны дыҵсон. Даныҵслак,
ахнышьыр наганы амца иахакнарҳон. «Уцәгьа-мыцәгьа зегьы
ҳбылит, уцәгьа-мыцәгьа зегьы ҳбылит, уцәгьа-мыцәгьа зегьы
ҳбылит» ҳәа хынтә инеиҭаҳәа-ааиҭаҳәо, амца иҩацханы, агәгәаҳәа
иааиқәҵаны Ахнышьыр иаҵадыршон, амца ахырҟьон»3.
Аиха ахахьы ачымазара зегьы агоит, амца уи иаднакылаз
ацәгьара зегьы абылуеит, иаҷиуеит ҳәа иԥхьаӡан.
XIX-тәи ашәышықәсазы аԥсуаа ахҵәара анрықәшәа, зегь раԥхьа
ишьҭырхыз ахнышьырқәа ракәын. Дара рзы уи зегьы реиҳа амч
змаз хыхьчаган.
Алитература
1. Аджинджал И.А. Из этнографии Абхазии. Сухуми, 1969.
2. Дбар С.А. Обычай и обряды детского цикла у абхазов.Сухум, 2000,
с.73-74.
3. Илҳәамҭоуп Чкотуа Зинаида. Ианылҵеит Ц. Габниа. 24.05.1999 ш. азы.
аԤаҵаужьра//Ахахәаужьра//ахаҿаужьра
Аԥаҵаужьра – аԥсра инамаданы агәырҩара, аџьабара иадҳәалоу
ритуалуп.
Ирацәоуп уи иадхәалоу ахьыӡқәа: Аԥсҵа аушьҭра//аԥаҵаужьра//
ахахәаужьра//ахахәаушьҭра//ажакьаужьра.
Аеҳәшьа, аешьа гәакьа, ақәрахьымӡа лыԥсаас дзауз аҭаацәара
ҿы аешьа еиҳабы иԥаҵа «ауишьҭуан». Уи иԥаҵа далакьысӡомызт
иԥсыз ишықәс ҟарҵаанӡа. Иԥаҵа анамихуаз «ашықәс» анымҩа
ԥыргоз аҽны, «ашықәс цәымза анышьҭырхлак» ашьҭахь акәын. Уи
аџьабара иатәын.
Аритуал шымҩаԥысуаз. «Ашықәс» аҽны, ирџьабоз аеҳәшьа
лакәзар, даарыԥхьон иахьатәи амш инаркны еҳәшьас ирывагылар
ирҭахыз, ргәы ззыбылуаз, рцуҭа иатәыз, ма рқыҭа иатәыз ҭыԥҳак.
Уи амаркатыл аанкыланы изызҳаны иҟаз ажьакьа маҷк илыҵкәон.
Уи ашьҭахь ижакьа ихала иамихуан. Аҭыԥҳа иаарыԥхьаз, уи аҽны
инаркны еҳәшьас дрыцхьаӡон, еҳәшьак лаҟара аҳаҭыр лыман ари
аҩнаҭаҿы.
Ус акәымкәа, ирџьабоз дхаҵазар, ма дарԥысзар, иахьарнахыс
ешьас рывагылара зылшо ҳәа ирыԥхьаӡоз аӡәы днарыԥхьон. Уи
зԥаҵа аушьҭны иџьабоз ижакьа маҷк хиҵәон, иџьабоз ихала ихыиҿы ирыцқьон. Уи амш инаркны, ари арԥыс аҭаацәара далахәхон
ешьак иаҳасабала, рыцәгьа, рыбзиа далахәын, ешьак иаҟара ҳаҭыр
иқәын. Рыбжьара аиуара ҷыда, аешьара, аеҳәшьара ҟалон.
Ари аритуал ажәытәан «ахахәкаԥсара» ҳәагьы иашьҭан. Аҭаа
цәара иацәыӡыз «рхаҭаԥсацәа» ҟалар акәын ҳәа иԥхьаӡан.
«Иԥсыз иҭынхацәа гәакьақәа рхахәы аурышьҭуан, шықәсык
анҵлак ируаз «аԥсхәараду» аҟнынӡа иамырхӡомызт. Изныкымкәа
аԥсуаа ирхәо саҳахьан иаурышьҭуаз рхахәы иԥсыз рыԥсқәа рзы
Нарцәы ишьашәырхоит хәа» 1.
«Ахахәкаԥсара» аритуал иазааигәоуп «ахахәхҵәара» аритуал.
Алԥсаа иџьабара акәын уигьы хықәкыла изызкыз.
Ажәытәан, иара убас XIX – тәи ашәышықәсақәа рызгьы аԥ
суа ҳәсақәа ирызгәакьоу аешьа, ма рхацәа анԥслак, рыхәцә ԥа
рақәа руак инҿакны иаахҵәаны, иԥсыз анышә данарҭоз иварҵон
«ҳаицәымӡп», «ҳалаигәалашәалап» ҳәа, мамзаргьы инышәын
ҭра иҭадыргылоз абаҟаҿы икнарҳауан. Иҟарҵозеи, нас, рыҽрыз
шьуамызт».2
«Аԥаҵаужьра» аритуал аԥсуаа имҩаԥыргон ашьха ишьтәымыз
ашәарах анрымхашьлакгьы.
Абас, аҭоурых-фырхаҵаратә ҳәамҭақәа рҿы зыӡбахә изны
кымкәа ирҳәахьоу, иахьа Хәаԥтәи ашьхақәа рҿы мҩахәасҭак зы
хьыӡ аху Габниа Баҭаҟәа изкны ирҳәо жәабжьк излаҳәо ала, Ба
ҭаҟәа зны шәарыцара ҳәа ашьхаҟа дахьцаз зыԥштәы цәышӡа иҟаз
абжьас имхашьит. Исыхьыз абри ауп ҳәа иашьа еиҳабы Алыгә
ианеиҳәа, «уԥаҵа аужьны иуџьабар, Ажәеԥшьаа уаҭеимҵар ҟалап»
ҳәа еиҳәеит. Ҩынҩажәа мшы уи дџьабон иԥаҵа амымхӡакәа3.
Аԥсуаа даара ҳаҭыр рзақәуп аԥаҵа. «Ахаҵа иԥаҵа кны дқәыр,
иажәа ахааназ деижьаӡомызт, аныхаҿы дқәызыр аҟара иӷәӷәан»4.
Алитература
1. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1960, с. 82.
2. Чурсин Г.Ф. Материалы по этнографии Абхазии. Сухуми, 1956,
с. 193–194.
3. Иҳәамҭоуп Џьыкырба Феҭ. Ианылҵеит Ц. Габниа. Гәдоуҭа араион,
Хәаԥ ақ., 12.03.2017.
4. Иҳәамҭоуп Габниа Н.С. Ианылҵеит Ц. Габниа. Аҟәа, 26.03.2017.
Ахаҵа иҿаҳәара
Ахаҵа иҿаҳәара – аԥҳәыс, ма аҭыԥҳа ахаҵа иҭаацәара ахырбгаларазы, ма разҟыла деиқәымшәарц азы имҩаԥыргоз, амагиатә
мчы змоу ҳәа аԥсуаа ирыԥхьаӡаз аритуал ауп.
«Ахаҵа иҿаҳәара» иазкыз аусқәа ҟазҵоз, ԥҳәыс даазымгац ар
ԥыс изы згәы нханы иҟаз аҭыԥҳацәа ракәын. Урҭ «ахаҵа иҿаҳәара»
иазхьаԥшуа иалагон аҿа зыбжьаз арԥыси дареи анеибыргәаалак
ашьҭахь: дыргәыӷны даҽаӡәы лахь даниаслак // дҳәаны дыштәаз
акәымкәа, дзыхҟьаз лзымдырӡакәа, иара даҽаӡәы дшааиго агәра
анылгалак; ма дганы, аха хара инамгакәа дааныжьны, даҽаӡәы
диманы дықәҵны данцалак; дҳәаны дышимоу акәымкәа, иакәым
ажәа лызҳәаны, даҽаџьара ихы анирхоз; иара ихарамкәа лара илхарангьы, аха игәаӷ кны.
Аԥсуаа рҿы ус ҟазҵоз шыҟазгьы, ажәлар рҿы уи «ибзиам»
усуп ҳәа иԥхьаӡан, Анцәа игәамԥхо акы акәны иахәаԥшуан.
Убри аҟнытә зхы иазырхәоз рыԥсы иаҵаҵаны, ирмаӡаны акәын
ишымҩаԥыргоз, ԥхьаҟа дыџьнышуп ҳәа ауаа лыхәаԥшуа иалагар
ҳәа дшәон. Ус знык илзырҳәар, ԥхьаҟа лразҟы иаԥырхагахар ҟалон.
Ақьабз хықәкыс иамаз авба здыз арԥыс иахьырхәра акәын.
Ақьабз анымҩаԥыргоз. Зегьы раасҭа уи амчра амоуп ҳәа
иԥхьаӡан арԥыс аҭаца иҩныҟа даннеиго амш аҽны. Ԥҳәыс даазго
ԥхьаҟа деиқәымшәарц, иааиго аҭыԥҳаи иареи «хаҵареи ԥҳәысреи»
рзеиламло аҟаҵаразы, аҭацаагацәа злааиуа амҩа ахықәқәа рҿы
ахҿа агәҭа ааиҩшаны, наҟ-ааҟ, анышә иарҭон, ма ишьҭарҵон.
Аҭацаагацәа аҭаца дрыманы иара ибжьысны ианцалак, абжақәа
еиҭа еиларҭәон, абџьар инҭаҵаны иҭдырҟьон. Мамзаргьы, ахҿа
агәҭа ааҩшаны, ачараҿы иршьыз арахә ашьа илыршьуан, нас еиҭа
еибырҭон.
Иҟан даҽакала ианымҩаԥыргозгьы. Ҩыџьа арԥарцәа, ма
ӡа, арԥыс иашҭа инҭаланы, раҳәызбақәа иршьыз ашьтәа ашьа
инылшьны, аҭаца дызлааиуа амҩахь ицәырҵуан. Уаҟа аҟама аҭра
иҭамҵаӡакәа, икны иаагыланы, рыбжьара аҭацаагацәа бжьысны
ицаратәы иҟарҵон. Аҭацаагацәа аниаслак, рҟамақәа дасу рыҭра
қәа ирҭарҵон.
«Ахаҵа иҿаҳәара» аан рхы иадырхәон аҭәҳәа. Уи ҷыдала «аха
ҵа иҿаҳәаразы аҭәҳәа» ҳәа хьӡыс иаман. Аҭәҳәа амацара рхы
иадырхәомызт. «Згәы нханы иҟоу» аҭыԥҳа лхы иалырхәон ҿыц
ажьира иҵыргаз аҳәызба. Уи зынӡа иҿыцзар, аӡәгьы ихы иаи
мырхәацзар акәын. Ачара аҽны «иршьуаз ашьамаҟа ашьа илшьны,
ларӷьа напаҿы» иаанылкылон, «хәыҭ-хәыҭла» ақәцәажәара дналагон даҭәҳәо: Афархь мцеиԥш унеиқәчхьыԥааит! // Умч ҿаҳәазааит!
// Уҵх ҿаҳәазааит! // Учара-шьа зыхьшу аҳәызба хәыш уҿыхны,
аҭра иҭысхаанӡа, хҿыхшьа умоуааит, уеибамгааит! // Сыҭәҳәа ада
ҭәҳәа умыхәааит! // Ҿасҭаанӡа умҿыхааит!
Абри аҭәҳәа ҳәаны данаалгалак акәын, аҳәызба хәыш аҭра
ианҭалҵоз. Уинахыс ахаҵа «дҿаҳәан».
Иҭәҳәоз арԥыс игәаӷ змаз лхаҭа лакәын.
Алитература
1. Чурсин Г.Ф. Материалы по этнографии абхазов. Абгосиздат. Сухуми,
1956, с. 167.
2. Кәаӷәаниа В.А. Аԥсуаа рҿаԥыцтә поезиа аиҿартәышьа. Аҟәа, 2010,
ад. 99 – 100.
3. Миқаа М.И. Аԥсуа ҵасқәа // Алашара. Аҟәа, 2005. № 3, ад. 110 – 125.
Х- мҩакы ахьеихагылоу
Х-мҩакы ахьеихагылоу – иуҳәо ахьыҟало, аҵабырг аилкаара ахьзалыршахо, иҟалараны иҟоу ахьеилкаахо, аԥси-абзеи ахьеиԥыло,
иахьеиқәшәо, агәнаҳа ахыхра ахьауа, адырра ҿыц ахьышьҭукаауа,
ауаҩы ичымазара ихцара ахьзалыршахо, еиуеиԥшым ақьабзқәа
ахьымҩаԥырго иԥшьоу ҭыԥуп.
Х-мҩакы ахьеихагылоу – аҵабырги иҟалараны иҟоуи реилкаара
ахьзалыршахо ҭыԥуп.
Иҟоуп «ижәытәӡоу, иааиуа ашықәс ҿыц аҩныҵҟа иҟалараны
иҟоу аилкаара аналыршахо аамҭа. Уи аԥсуаа Нанҳәа аныҳәа
иадырҳәалоит. Лымкаала Нанҳәа актәи амш инаркны (август 27
ауха) хаха имҩаԥырго» ақьабз «Аӡырыҩра»1 аан ауп. Имҩаԥыргоит
иара Нанҳәамза 27, 28, 29 иртәу амшқәа рзы. Аӡырыҩра ҳәа
аԥсыжырҭақәа рааигәара, хәы ҳаракырак аҿы, ма х-мҩакы ахьеихагылоу ицаны итәоит аҵх аҽанаҩнашалак. Уаҟа ҭынч, ҿымҭӡакәа
итәаны иӡырҩыз, ашықәс аҩныҵҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәа рзы
адырра ҷыдақәа иоуеит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аӡырыҩра иацуп даҽа ритуалкгьы. Уи мҩаԥыргоит Нанҳәамза
27 ауха х-мҩакы ахьеихагылоу. Изыдҳәалоу ибжьаӡны иҟоу ауаҩы
иԥсы ҭоу иҭаму аилкаара ауп.
Амҩаԥгашьа. Гәыԥҩык ауаа, ибжьаӡны иҟоу иҭынхацәа назлоу,
аҵх агәазы х-мҩакы ахьеихагылоу, ҿымҭ-ԥсымшь ԥыҭраамҭак
иаатәоит. Аҵх агәы аҽанааҩнашалак, иара убрааҵәҟьа амца еи
қәырҵоит. Амца бзианы ианааибаклак, иӡны иҟоу иҟәыхк наганы
иақәырҵоит. Иҟәых абылра иналагоны, иара дыԥсхьазар, игага ааины амца иаахагылоит, иԥсы ҭазар, ихабар ҟалаӡом.2
Х-мҩакы ахьеихагылоу – ари ауаҩы иразҟы иадҳәалоу ақьабз
ахьымҩаԥырго ԥшьа ҭыԥуп.
Амҩаԥгашьа. Амзаҿа иҩагылаз, раԥхьаӡа акәны ауаҩы иба
ратәы ажәҩан ианыҩкыдлалак, х-мҩакы ахьеихагылоу зынасыԥхә
заа деилызкаар зҭаху аҿар имҩаԥыргоит уи иадҳәалоу ақьабз.
Ақьабз иадгалатәу амарҭхәқәа: аџьыкхыш иаргаӡаны иалахәу
рыцыԥхьаӡа хԥа-хԥа кәакәар. Акәакәарқәа жәны иҭыргоит заа.
Аҵх аҽааҩшамҭазы, еицу зегьы х-мҩакы ахьеихагылоу ицаны хԥахԥа кәакәар рфоит. Дара-дара еицәажәар ҟалаӡом. Уаантәи дасу
рыҩнқәа рахь ицоит уаҳа ажәак еибымҳәаӡакәа. Аҵх аҩныҵаҟа,
дасу иԥхыӡ аҿы инасыԥхә дааины дибоит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Ари ақьабз акыр еиԥшуп Нымираҳ ҳәа Хәажәкыра ауха аҿар
имҩаԥырго ақьабз. Излеиԥшым, Нымираҳ аан акәакәарқәа анырфо дасу ибжьы иара ида аӡәгьы имаҳаратәы, иныҵакны абас
иҳәоит: «Нымираҳ, сразҟы уаха ԥхыӡырла дсырба!». Уи аформула
хынтә иҳәатәуп.
Х-мҩакы ахьеихагылоу – агәнаҳа иаҵоу игәнаҳақәа рхыхра ахьзалыршахо ҭыԥуп.
Аԥсуа жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа рҿы иҟоуп х-мҩак ахьеихагылоу
аҿы агәнаҳақәа ҟазҵоз данахьхәы, дызҵаз агәнаҳақәа шихихыз
атәы ҳазҳәо асиужетқәа.
Асиужет излаҳәо ала, агәнаҳақәа рацәаны иҟазҵахьаз хаҵак
иқәрахь днеиуа даналага, «агәнаҳақәа рацәаны иҟасҵахьеит,
хыхшьас иамоузеи?»3 ҳәа ҳазшаз диазҵааит. Анцәа иабжьеигеит х-мҩакы ахьеихагылоу днеины, амра ҭашәаанӡа шәҩык ам
ҩасыҩцәа акрырҿаҵа ҳәа. «Уааигәара иарс аҵәаҵла амахә ҩа.
Угәнаҳақәа ухыҵуазар, уи аҵәаҵла амахәҩа бабышӡа ишәҭуеит.
Угәнаҳақәа узынхозар, амахә шҩоу иаанхоит».
Дцоит х-мҩакы ахьеихагылоу. Ақәаб дуқәа ргыланы ахәы ҟаи
ҵоит. Алада ицо дымҩахыго, аҩада ицо дымҩахыго амра аҭашәара
ҵлакашәара шагыз 99-ҩык ауааԥсыра акрырҿеиҵеит. Аха дыҟам
ашәҩыктәи. Амра аҭашәара иналагеит. Ус аӡәы иҽы даасуа, дыццакы-ццакуа даацәырҵит мраҭашәарахь ихы рханы. Акыр диҳәеит
дымҩахыҵны ичеиџьыка агьама ибарц, аха аҽыуаҩ имуит. Днаԥ
шызар, амра амшын инӡаалеит, ари арахь иуам. «Егьызқәымыз
сара!» – иҳәан, иҟама ааҭыганы, амҩасҩы игы иналеиҵоит. Амрагьы нҭашәеит, ааилахәлеит. Данаахьаҳә, ивара иарсыз аҵәамахәҩа бабышӡа ишәҭны игылан. Уамашәа ибеит. «Ауаҩы дысшьит,
иҟасҵахьаз агәнаҳарақәа ирыцлаз џьысымшьази?!» – иҳәеит ибжьы ҩҭыганы. «Ари ауаҩы уаха зразҟы еилазҵараны иҟаз ацәгьа
рыбжьиҳәаарц азы акәын дзыццакуаз! Уара угәнаҳақәа ухыхуп!» –
иҳәеит Ҳазшаз.
Х-мҩакы ахьеихагылоу – уцәа иалоу ачымазарақәа ухыхны
икоуԥсар ахьыҟало аҭыԥ ԥшьоуп.
Ахәыҷы агәамбзиарақәа даныхҭарклак, «дааҟәымҵӡакәа дҵәы
уо, илаӷырӡ хаҟәҟәала, аҿырҳасра аныхҭеиклак», х-мҩакы ахьеихагылоу имҩаԥыргон «ачымазара ахыхра» захьӡу ақьабз.
Ақьабз амҩаԥгашьа. Ачымазаҩ хәыҷы иан, ма ианду ашылеи
аџьыкхыши еиҟараны еилаԥсаны, хыџьара илшон. Урҭ х-макәан
хәыҷқәак ирҭалԥсон. Нас амакәанқәа акакала иаашьҭыхуа, хынтәхынтә ахәыҷы ихы иакәырхшаны ишьҭалҵон. Амакәанқәа ахәы
ҷы ихы ианакәдырхшоз абас рҳәон: «Иуыхьша ачымазарақәа зегьы абарҭ амакәанқәа шьҭызхуа ишҟа ииасааит!»4. Аҵыхәтәаны
амакәанқәа зегьы аашьҭыхны, х-мҩакы ахьеихагылоу инаганы
ишьҭарҵон. Амакәанқәа зго иахь ачымазара ииасуан.
Иҟан даҽа қьабызкгьы. Уи амҩаԥгараан рхы иадырхәон аҟәыд
цырақәа хԥа. Аха аҟәыд жәлақәа зегьы рыҟнытә рхы иадырхәоз
ацаҟәыд акәын.
Амҩаԥгашьа. Х-цырак ацаҟәыд ахәыҷы ианду, ма аныҳәаҩ
ларӷьа напы инанырԥсалон. Аныҳәаҩ лнаргәыҵаҿы урҭ иааи
лалԥсон, нас ларма напахьы иааиалгон. Лнапы ианыз ааила
џьгәаны, лҭаҷкәым раҵәаны иааҟалҵон.Ираҵәаз лҭаҷкәым
ачымазаҩ хәыҷы хынтә ихы иакәлырхшон арӷьарахьтә армарахь иргьежьуа. Усҟан абас лҳәон: «Иухысхт угәыхь! Угәы бзиа-
хит! Ухыхь цеит! Угәыхь цеит! Утаатаԥшьхт!»5 . Аныҳәаҩ ахәыҷы
ианду лакәзар ҟалоит, ма даҽа ҭакәажә цқьакы. Аҵыхәтәаны
лыҽӡаны, аӡәгьы лҽимырбаӡакәа дцоит х-мҩакы ахьеихагылоу.
«Хьаԥшы дыҟам, ҵаԥшы дыҟам! Хьаԥшы дыҟам, ҵаԥшы дыҟам!
Ҵаԥшы дыҟам, хьаԥшгьы дыҟам, чымазаҩгьы дыҟоуп зҳәада!
Ҟәыд цырак ыҟоуп зҳәада! Ҟәыд цыракгьы ыҟам!» – ҳәа лыбжьы аармаҷны инаҳәаны, аҟәыд цырақәа ԥсаҟьаны икалыԥсоит.
Аҩныҟа даауеит дхьамԥшӡакәа, амҩан аӡәы длықәшәаргьы диа
цәажәар ҟалаӡом6.
Алитература
1. Габниа Ц.С. Аӡырыҩра // Ашколи аԥсҭазаареи. Аҟәа, 2014, № 4, ад. 23-24
2. Иара уа, ад. 24.
3. Иҳәамҭоуп Чкотуа Дикран. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
23.02.1995 ш. азы.
4. Дбар С.А. Обычаи и обряды детского цикла у абхазов.Сухум, 2000, с.74.
5. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда Уаҳаид-иԥҳа. Ианылҵеит Ц. Габниа.
Џьырхәа ақ., 15.01.1998 ш. азы.
6. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа
ақ., 15.01.1998 ш. азы.
Ахәажә
Ахәажә – амчра ду змоу, иԥшьоу ҵиаауп.
Аԥсуаа Ахәажә амагиатә мчы амоуп ҳәа агәра ргон азы рхы
иадырхәон аҿиара, аизҳара, аманшәалара, аразҟы бзиа аиуразы
ажәытәӡатәи аамҭақәа раахыс имҩаԥыргоз ақьабзқәа жәпакы рҿы.
Ааԥын раԥхьатәи амза, март мза, (Хәажәкырамза) раԥхьатәи
ашәахьаҽны аҿиара, аизҳара иазкны имҩаԥыргоз ақьабз аҿы
«анасыԥ ҵәы» ҳәа рхы иадырхәоз аҵәы аԥхьанатә излырхуаз
ахәажә акәын. Убри азы ауп «ахәажәҵәы» ҳәа хьӡыс изамазгьы, иахьагьы изамоу. Иахьа ақьабз нханы иҟоуп, иара убас аҵәы ажәытә
хьӡы – Хәажәҵәы, амала ахәажәҵәы ҳәа иахьа уи ишазырҳәогьы,
аҵәы злырхуа арасамахә ауп.
Ахәажә абна иатәуп, акыр еиҳа ижәытәуп ҳәарада. Аԥсны араса аҿиара ианалага, ахәажәҵәы арасамахә ала ирԥсахуа иалагеит.
Арасагьы ахәажәгьы иԥшьоу ҵиаақәаны аԥсуаа рхы иадырхәоит.
Иахьа араса аԥыжәара агоит.
«Хәажәкыра – иахьа уажәраанӡа ибзианы еиқәхаз аԥсуа аполи
теисттә культқәа ируакуп»1. Хәажәкыра аан иҟарҵо ахәажәқәа руакы иагәыларҵоит ахәажәҵәы (арасаҵәы). Изауз ашықәс зегьы
иара изы ибзиахоит, дахьынҭыҵлак, дыззынҭыҵлак зегьы рыла
деиқәшәоит, аҭацәара даламлацзар далалоит, ашықәс иалагӡа
ны инасыԥ ҟалоит, ашықәс иара изы имшхоит, ихаҭагьы «дуаҩы
мшхоит» ҳәа иԥхьаӡоуп.
Ажәа Хәажәкыра шьақәгылоуп ҩажәак рышьаҭақәа реилаларала, ахәажә+акра, иаанаго «ахәажә акра» ауп. Бзыԥын иахьагьы Хәажәкыра аан, аԥшәма ԥҳәыс (абжьыуаа рыҟны ахаҵа иоуп
иныҳәо) ижәны иҭылгаз ахәажәқәа, мамзаргьы аҳампалқәа зну
асаара нықәыргыланы, руак аанкыланы (уи ахәажәҵәы згәылоу
акәзар ҟалоит, ма изгәылам) ауп дызныҳәо. Ахәажә ауп дзыхныҳәо,
убраантә ауп иара ажәа Хәажәкырагьы ахьынтәаауа. Иҟалап
Ахәажә раԥхьа Аҳампал акәзаргьы иахьӡыз, уи ахьыӡгьы аҿиара
иатәуп. Аха ахәажәҵәы агәыларҵо ианалага, аҳампал ахархәара
еиҳа имаҷхо иалагеит. Ус егьа иҟазаргьы, арҭ ажәақәа рыҩбагьы
иахьа иуԥылоит.
Ахәажә аӡбахә ҳԥылоит Нарҭаа репос аҿы. Нарҭаа раҳәшьа
заҵәы Гәында-ԥшӡа Нарџьхьоу дигәаԥхан, «дсышәҭ» ҳәа лашьцәа
ажәа рниҵоит. Дара «Хәажәарԥыс дизҳәаны дтәоуп, иара Хәажәа
ра дыҟоуп» рҳәоит. Нарџьхьоу Гәында-ԥшӡа дымҵаирсуеит. Хәа
жәарԥыс дихьӡоит, аиҿахысрақәа раан Хәажәарԥыс дызгашаз
ахы иқәшәоит. Хәажәарԥыс иан лҿаҳәатәы ҟалон, даагылан абас
лҳәоит: «Нан, сыҷкәын, Хәажәарԥыс, уара уԥсит, аха ухьӡ кашәара
ақәымзааит, ашықәсан ахәажәа рклааит, абнақәа рҿы зынгьыԥхынгьы рыбӷьы камԥсо шәаԥыџьаԥны игылааит ахәажә!»2
Хәажәкыра убри аамҭа инаркны ауп амҩаԥгара ианалага рҳәоит
ажәабжьҳәаҩцәа.
Ажәабжьҳәаҩ ду Ҟалӷьы Ҳалиҭ излеиҳәаз ала, Хәажәарԥыс дан
ҭаха, ибаҩ ахәажә ақәиааит. «Иразҟы намӡет шәымбо, ихьӡ нха
раны иҟан, ихьӡ зҳәо ак акәны иҟалет. Хәажәҵәгьы анасыԥ иатәуп.
Хәажәкыра амалодиож роуп изныҳәоу аиҳарак.Уи ус изыҟоу Хәа
жәарԥыс иҿынтә иахьаауа азы ауп. Хәажәарԥыс ихаҭа дразҟы
дахет, аха аҿар рразҟы дақәныҳәот»3.
Ахьӡ Хәажәарԥыс ахаҭа «ҩ-ажәак реилалара иаҳнаҭеит»:
Ахәажә+арԥыс. Ахәажә аҵиаа иахьӡуп, арԥыс ҳәа аԥсуаа изыр
ҳәоит аҷкәын қәыԥш. Адыга бызшәаҿы ари ажәа ахаҵа исимвол
ҳзырбо ажәоуп. Хәажәарԥыс иаанаго ахәажә аҷкәын, ахәажә аҵеи
ҳәа ауп. Абас «Хәажәарԥыс аҿы еилыхха иаатуеит атотем амотив»4.
Ахәажә рацәаны иахьеилагылоу аԥсуаа Ахәажәра ҳәа иашьҭоуп.
Ахәажә ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәаӡа игылоуп, абӷьы каԥсаӡом. Уи
амчра змоу, иӷәӷәоу, акыр зычҳауа шәаԥыџьаԥуп ҳәа иԥхьаӡаны
аԥсуаа амхы иалыршьуаз ачалтқәа иара ала иршышуан, иара
убас аҵыс кыга чалтқәагьы. Ахәажә-быца ибзианы итыруеит,
иԥҵәаӡом, алшара бзиа амоуп, амшьҭа бзиоуп, еихаҟаца иҟалоит
ҳәа аҩынқәа рыҭӡамцқәа аларышшуан, агәара шышы аандақәа
алашьҭырхуан.
Амцаҿы акыр иҳаракны ашәеилаҵақәа, акәацқәа рырԥшша
разы, рырҩаразы иқәырҵон хәажәлеи арас быцалеи ишышыз
абыцаҟьақәа5.
«Зегьы раасҭа иӷәӷәоуп ҳәа ирыԥхьаӡон ахьаҵәқәа арсны,
ахәажә быцала ишышыз агәараандақәа»6.
Ахәажә абыӷьқәагьы аԥсуаа рхы иадырхәон амгьал хкқәа
ахәышҭаараҿы ианырӡуаз. Ахәышҭаара андыршлак, акыр аамҭа
аӡы иӡааҵаны ирымаз абыӷьқәа еивҵаԥсо, ҩба-хԥа бӷьы еиқәҵо
иршны иҟаз аҭыԥ хырҟьон. Амажәа наганы хыхь иқәырҵон,
амажәа еиҭа ахәажә абыӷьқәа рыла ҩынт-хынтә ихырҟьон, ахыхь
ихәыжжаӡа иҟоу акәицқәа ықәырԥсон. Абас ала амгьал гәы
лырӡаауан, ахәажә ашыра ачҳауеит, насгьы афҩы хаа ҷыда ах
наҵоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Амгьалқәа рыӡра аан рхы иадырхәон
ахьабӷьы, алаҳабӷьы, албӷьы, ауадабаа бӷьы. Аха ақьабз иадҳәалоу
амгьалқәа рыӡра аан рхы, еиҳараӡак, иадырхәоз ахәажә абӷьи ауадабаа абӷьи ракәын7.
Аԥсны иҟоуп ахәажә иадҳәалоу аҭыԥ хьыӡқәагьы: Ахәажәра,
Хәажәшәара – Џьгьарда ақ.; Хәажәқыҭ – Аҟәа азааигәара, Каман
адгьылҵакыраҿы.
Алитература
1. Бигуаа Валерий. Ритуальный мир традиционной религии абхазов.М.,
2018, с. 67.
2. Шьынқәба Баграт. Ахьырҵәаҵәа. Аҟәа, 1990, ад. 226.
3. Иҳәамҭоуп Ҟалӷьы Ҳалиҭ. Ианылҵеит Ц.Габниа. Абӷархәықә ақ.,
1982 ш. азы.
4. Аншба А.А. Абхазский фольклор и действительность. Тбилиси, 1982,
с. 96-97.
5. Иҳәамҭоуп Смыр Чықь. Ианылҵеит Ц. Габниа. Абӷархықә ақ., 1982 ш.
азы.
6. Аджинджал И.А. Из этнографии Абхазии. Сухуми, 1969, с. 21.
7. Илҳәамҭоуп Чкотуа Зинаида. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
1982 ш. азы.
Ахьаца // Ахьацаҵла
Ахьаца – адыди амацәыси змысуа, алаԥши амшьҭа цәгьеи

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Амифи аритуали - 10
- Büleklär
- Амифи аритуали - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3580Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3626Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3670Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3629Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3610Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3600Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3603Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3565Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3578Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3672Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3649Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3599Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3028Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.