Latin

Амифи аритуали - 07

Süzlärneñ gomumi sanı 3629
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2152
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Нарцәы инеиз Аԥсы аԥсҭазаара ԥкӡам, еснагь иҟазаауеит. Амала, аарцәы даныҟаз ихымҩаԥгашьала уаатәи иԥеиԥш ӡбахоит.
Нарцәы «зегьы еилкаауп», зегьы дыруп, «маӡа ыҟаӡам».
Нарцәы закәу ҳәа адыррақәа ҳарҭоит «Нарцәы ицаны иааз»,
«Аԥси абзеи реиԥылара», «Ицәаны иааԥшыз» реиԥш иҟоу амифтә
ҳәамҭақәа рсиужетқәа.
Ишақәнагоу зыԥсхәы руз Нарцәы ихәы ыҟазаауеит, иԥсы ҭынч­
заауеит. Хәы змауз рыԥсы еснагь иҭынчӡам.
Анышә иамардаз роуп зыԥсы Нарцәы инеиуа. Ацәеи-жьи еима­
датәуп ҳәа аԥсуаа ирыԥхьаӡоит. Убри азы аҩны имԥсыз, амҩан
иҭахаз, аӡы иагаз, ахра иалҟьаз рзы иҟарҵоит «аԥсы аагара», «аԥсы
аҭгара» захьӡу аритуал. Усҟан иҭахаз иԥсы арахәыц иқәҵаны иааргоит анышә иарҭаанӡа ицәеи-ижьи иамардарц азы.
Нарцәы аԥсы зымцар ҟалоит ианаамҭоу ибаҩқәа анышә иарым­
ҭар. Насгьы аԥсыжра ҟалароуп амра аԥсы шҭоу, Аԥсы алашьцара
иҵамхарц азы.
Амифтә текстқәа изларҳәо ала, Аԥсы Нарцәыҟа ахала ицаӡом.
Иҟоуп Аԥсы уахь игара азин змоу. Иԥсы ихызхуа Аԥсцәаҳа иоуп.
Дызго: «ҩыџьа наҟ-ааҟ ижәҩа иааҵагылан»; «шьоукы ааин да­
нышьҭаз», «уаалеишь, џьара уаагоит» рҳәан»; «бгылан баала ҳәа
сеиҳәеит»; «уаала иҳәан аӡәы, симан дцеит»; «дахыцәаз Анырцә
днаргеит»; «сан рыцҳа даакылсхын».
Иҟоуп ихала дцоит («ауаҩԥсы Анырцәмҩа данықәло, дышнеиуа», «џьанаҭ днармышьҭит») ҳәа зҳәо атекстқәа, аха урҭ рхыԥ­
хьаӡара маҷуп.
Нарцәы «ашьац кашьшьы иҟоуп хабалак, бзароуп иҟоу, уаҟа
ԥсра ыҟаӡам».
Нарцәы инармышьҭуа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп хаҵа имцаз,
хәыҷык дызмааӡаз. Иара убас «иаамҭа ааиаанӡа» зҽызшьызгьы.
Уи Ашацәа изԥырҵәаз Иаџьал ааиаанӡа, дгәаҟуа, Нарцәы-цҳа
ақәлара азин имамкәа, аҩда дыҩуа, алада дыҩуа, адунеиқәа рҳәаа
давазаауеит.

Нарцәы ацара азин имаӡам аԥсыцәгьара амшала ауаа зышьхьоугьы. Уи дызҵоу агәнаҳа дуӡӡоуп, дыԥсаанӡа бжьы-мҩак ахьеи­
хагылоу дцаны шәҩык ауаа ичеиџьыка рҿеимҵакәа Нарцәыҟа неи­
шьа имаӡам. Имхәыцӡакәа, гаӡарала ацәгьа ҟазҵо Нарцәыцҳа­­ҿы
ддыргәаҟуеит, иаақәтәо агәылшьап днаҿаркуеит, ԥыҭк данаҟаҟа­
лак, дааҿырхуеит. Днаганы акапанга дықәдыргылоит. Акапанга иадгылоу «иазхоит» иҳәаанӡа ус изырулоит. Акапанга дышь­
ҭнахратәы даныҟалалак ацҳа ақәлара азин ирҭоит.
Ажәа «Нарцәы» злоу аԥсуа бызшәаҿы акыр ирацәоуп: Нарцәы//
Нырцәы днанагеит, Нарцәы гыларҭас иоуааит! Нарцәы мцы
ыҟаӡам. Нарцәымҩа ԥшӡахааит! Нарцәы //Џьанаҭ гыларҭас иоуааит! Нарцәы ицаны иааз еиԥш. Анырцә зегьы уԥылоит. Нарцә қьаф
урҭоуп зҳәаз еиԥш. Аарцәы илоуҵаз, Нарцәы иуԥылоит. Аарцәы
еибамбаргьы Нырцәы еибабон. Нарцәы уахьнеиуа уахь ицахьоу
ҳасалам рыҭ! Нарцәы тәарҭас, гыларҭас Анцәа иуиҭааит! Нарцәыцҳа. Аарцәы ирҭахым Нырцәгьы дырҭахым. Инарцә мҩа дықәлеит.
Аԥсуаа адунеи аҿы уаныҟоу шаҟа цҳа хуҵо аҟара исабаԥуп
ҳәа ирыԥхьаӡоит. Нарцәымҩа уанықәло уԥсы мшәаӡакәа иқәсо
иҟалоит, уманшәалахоит рҳәоит.
Алитература
1. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. VII атом. Еиқәлыршәеит
Габниа-Инал Ц. Аҟәа, 2002, ад. 147 – 177.
2. Иара уа, ад. 151 – 177.
3. Габниа Ц.С. Ҩ-дунеик рызҵаара амифтә ҳәамҭақәа рҟны//Совре
менные проблемы кавказского языкознания и фольклористики. Сухум,
2000, с. 67.
4. Зыхәба С.Л. Аԥсуа мифологиа. Аҟәа, 2012, ад. 633 – 637.
5. Кәаӷәаниа В.А. Аԥсуаа рҿаԥыцтә поезиа аиҿартәышьа. Аҟәа, 2010,
ад. 43 – 70.

Нарцәы ицаны иааз
Нарцәы ицаны иааз – ҩаха-ҩымш, хаха-хымш инареиҳан­гьы
«иԥсны» зыԥсы ҭалаз роуп изыхьӡу.
Аԥсуаа ирҳәоит «иԥсны зыԥсы ҭалахьоу» рхаҭақәа, ма ранду­
цәа, рабдуцәа ишырбахьаз.

Аԥсуа мифологиаҿы «Нарцәы ицаны иааз» ирызку аҳәамҭақәа
рхыԥхьаӡара рацәаӡам. Уи иаҵанакӡом рхыԥхьаӡара маҷуп ҳәа.
Ихьшәаны ашәҟәы рҭагалара напы аркын. Ауаа ибзианы ирдыруеит ус еиԥш иҟоу ахҭысқәа ирыдҳәалоу амифқәа рацәаны.
Нарцәы ицаны иааз уахык иахьнышьҭалаз, адырҩаҽны изымгы­лаз
роуп. Урҭ иҵегьы ахьыӡқәа рымоуп – Нарцәы ицаны иааз, Ицәа­ла­хаз,
Ицәылаԥсыз, Иԥсны зыԥсы ҭалаз, Ԥхыӡырла Нарцәы ицаны иааз.
Ицәалаԥсны иҟазар ҟалоит: уахык, уахыки-ҽнаки, хымш,
жәохә мшы.
«Абас иԥсны зыԥсы ҭалаз лассаамҭа дыԥсӡом» ҳәа рыԥхьаӡоит
аԥсуаа.
Нарцәыҟа рцашьа шыҟалаз. 1. Уахык дахьнышьҭалаз «дыԥ­
сит». 2. Дычмазаҩхан «дшыҟаз дыԥсит». 3. Дшыцәаз «бгылан баала» ҳәа иааины дыргеит. 4. Аӡәы ԥхыӡырла диацәажәан, нас «уаала» иҳәан, диманы дцеит. 5. Аӡә иԥҳәыс даачмазаҩхан, дыԥсит.
6. Дцәалахан, хымш дмааԥшӡакәа дыцәан. Хьачхәама уаҵәауха
акәзар уаха дахьнықәиаз, «днықәкара дцеит». Ус ахаангьы, абас
шаанӡа дмааԥшӡо дҟамлацызт. «Ашьха сцон, аҩны аус зуан, скараха, аха ахаан ус сҟамлацызт». 7. Уаҩ еиқәак даасыдгылан, «уажәыгь
ара быҟоума?» ҳәа ацәарҭаӷәы данас, наҟ сагеит. 8. Ауаҩы дшыцәаз
иԥсы аӡы ажәуеит ҳәа аҵеиџь аҿы иахьнеиз, уа игылаз ажә ауац
илацрыҵыз иаҵахеит.
Нарцәыҟа изго. 1. «Иара усҟан ҩыџьа наҟ-ааҟ ижәҩа иаа­ҵа­
гылан дрыма амҩа иқәылт». 2. Ари шьоукы ааин, данышьҭаз, «уаалеишь, џьара уаагоит» рҳәан, дрыманы ицеит. 3. Сҩагылан, сицуп
абри ауаҩ, ихаҭа дызбом. 4. Дахыцәаз Анарцә днаргеит. Дызгазгьы
иқыҭантәиқәа, абыргцәа ракәын, рыхьыӡ иҳәеит.
Нарцәыҟа ианцоз амҩан ирԥылаз. Амҩан, асиужетқәа зегьы
рҿы, урҭ Нарцәы-цҳа ақәсра рықәшәоит. Ацҳа аԥхьа ианнеилак
ирыцу ныҵаба ицоит. Рхала инықәлоит. Ацҳа иху арахәыц еиԥш
ипоуп, ақәсра цәгьоуп. Данықәсо иԥсхьоу ицгәы ашша ықәшьо
далсырҩуеит ҳәа иалагоит. Аха ила аакылсны (уигьы иԥсхьоу) ицхраауеит, абз ала ашша ықәырбзаауа. Ацҳа аҵаҟа ауаа еибарҳәҳәо,
амаҭ рықәҵәашо рыфара иаҿуп. Ацҳа ианнықәслак иқашә-қашәо
изызҳауа «ашьац иаҵәаӡа» инылагылоит.
Нарцәы ацҳа зеиԥшроу: Абыцаҵә, Ацҳаҵәры, Арахәыц аҟара
ипоу, Абыцаҵәы тыр-тыруа.

Нарцәы ианҭалалак, иахьнеиша инеиаанӡа амҩан ирбо ра­
цәоуп. Раԥхьа иԥсхьаз, дара ирдыруаз маҷымкәа ирбоит, иара
убас арахь макьана зыԥсы ҭоу, аха лассы иԥсраны иҟоугьы. Аԥ­
суаа ирҳәоит «ауаҩы иԥсра хышықәса шагу Нарцәы аԥсцәа дыр­
хыԥ­хьаӡалахоит» ҳәа.
«Нарцәы ицаны иааз» Нарцәы адыррақәа рацәаны ишьҭикаа­уеит,
иҟалашагьы иарҳәоит. Дасу ара даныҟаз ихымҩаԥгашьа иаҿырԥшны
уа иқәырҵаз, макьана зыԥсы ҭоу, аха уахь ианнеилак ԥсҭазаашьас
ирзырхианы иҟоу уҳәа иибо, иаҳауа ажәабжьқәа маҷӡам.
Уа ишьҭикаауа адыррақәа. 1. Хаҵа имцацкәа, аҭаацәара
иаламлацкәа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз, уа ипашә-пашәӡа еилаҳәаны
ашәа ҳәо иҭоуп. 2. Аҳәаа еилазгоз – дҳәаны, ихы алада ирханы дыкнарҳауеит. 3. Ахаҵа маҳагьа данԥслак, раԥхьатәи иԥҳәыс
иҟәаҟәа дықәыртәаны лныҟәгара иқәзаауеит. 4. Амал зманы
арыцҳа ицымхрааз, зусуҩы иқәнаго аџьахә изымҭаз Нарцәы
«аҳәынҵәа» дылазаауеит агьаргьаласақәа ишьаҵаны. 5. Чеиџьыка
змамыз, кәтаӷьк ада сасык акриҿазымҵац – акәтаӷь кәымпылуа
илышьҭазаауеит ҭаха лымҭо, фатәысгьы иара ауп илоуа. 6. Ацәгьамыцәгьа аҟаҵара изаҟәымҵкәа иԥсыз – ипылҳаҭуа иҟоу аҳәынҵәа
иларыжьуеит. 7. Ауаа ирыҵаӷьычуа – аӡыршы даларыжьуеит. 8.
Аԥслаҳә еимгәа зшьыз – аӡарақәа Нарцәы иҩуа ишьҭазаауеит. 9.
Ахәаџьа дызхамԥхьаз, апап знарцәымҩа дақәымныҳәаз Нарцәы
ишнеиз рыздырӡом. Адунеи иананыз еиԥш аџьа иҟоу зегьы рбалоит
– ицәаӷәалоит, илаҵалоит. Ура ахьыҟам ишыҟоу рхахьы изнеиӡом.
10. Хаҵа имцакәа иажәыз Нарцәы днарышьҭӡом. 11. Заџьал аиаанӡа
зҽызшьыз дыҩуа Нарцәымҩа давазаауеит иҽҳәара ааиаанӡа. 12.
Ауаа рразҟы еиҵазҟьоз амца лкызаауеит еснагь, арҵәааҳәа аҳәҳәара
даҿызаауеит. Дыҩуа дахьықәу еиҳагьы амца ҿыцхоит.
Нарцәынтә ахынҳәра зыхҟьо. 1. Иаамҭа макьана иахьымааиц. 2. Даҽаӡәы ицәхҩашьаны иара дахьыргаз: «Ари иоума ҳара
шәыззаҳашьҭыз?» «Ари дахаажәгаз дыжәга!». 3. Акриҿаҵара ианалага иифоз иҿихуа далаган, «ифом-ижәом, абра дҳадыртәаланы
дҳамоуп, имаҵ аауеит. Иара дыгәнаҳауп, ҳара амцхә аџьабаа идаабалоит, дзаажәгазеи, дахьаажәгаз дыжәга».
Нарцәы иҟарҵар иҟамлоз. Ицәажәар ҟалаӡомызт; акы иаз­­
ҵаар, изызҵаауа аҭак рарҳәаӡомызт. Азинс ирымаз абара, агәын­

кылара акәын. Ирхынҳәны ианаарго уаанӡатәи рызҵаарақәа зегьы
рҭакқәа иаазго рхала ирарҳәоит.
Нарцәы иҟаз уа ирымаз агәалаҟазаара. Арахь мчыла ир­хын­
ҳәны иааргоит. Уаҟа аҟазаара, анхара рҭахын, арахь аара рҭах­ӡамызт.
Ианыхынҳәуаз ираашьахоз. 1. Уахь дызгаз дрыманы еиҭа
нар­цәыцҳаҿы дааргеит. 2. Аҩны даарган агәашә дааладыргылоит,
«шьҭа уаргьы уца» ҳәа иласгәыҵасны, ацара сҭахымызт, саахысхысны сҿыласхан, ҳгәарԥ еихырсашәа иҟан, скаҳарҳәагьы саашәан,
амжәаду игылаз ашьапы сасны иааныскылт. 3. «Арахь санаауазгьы
иара убри ауаҩы еиқәа даасыдгыланы, «уажәыгь ара быҟоума?»
иҳәахын, ацәарҭаӷәы данас, слалыҩрны сыҩкаҳан, сҩагылт». 4.
«Уца, уца шьҭа! – иҳәит. – Ушәаӡангьы уыҟан, аха – иҳыит, – уа,
умаар, – иҳыит, – уҭасырхон, усыцмаар… аныи ахәаны сыҩхәниган,
– уца, – иҳан, – абас дсыгәҭасын, абра адәы саақәлт». 5. Аԥҳәыс
дахьықәыз, иас Анцәа дидыруеит, длеин адашьма дахьлықәҳаз,
аӷьараҳәа лыԥсы ҭалан дҩагылт рҳәит. 6. Иԥсраҿы амаҵ зуаз
агәылацәа аӡы аагара ҳәа иахьнеиз, аҵеџь аԥхьа ажә ауац кажьны
ианырба, аӡы ааҭтаны ианлақәырҭәа, Аԥсы ахы агеит.
Нарцәы изхаргаз ҳәа ирарҳәоз. 1. Ирбаз, ираҳаз ауаа ирар­
ҳәарц, ирзеи­ҭарҳәарц; 2. ауаа архәыцырц: «Абри уара изусырбо
ауаа рзоуп. Аб­ри уара ауаа ираҳәа, ирзеиҭаҳәа».
Ирбаз ззеиҭарҳәо. 1. Ԥхыӡырла ицаны иааз иԥшәма ԥҳәыс
илзеиҭеиҳәеит. 2. Иразҵааз ирзеиҭарҳәоит. 3. «Хәҩык шәаангыл! –
иҳәит. Зегьы агәырқьҳәа индәылҵын, хәҩык аанхеит».
Алитература
1. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. VII атом. Еиқәлыршәеит
Ц. Габниа-Инал Аҟәа, 2002, ад. 152 – 177.
2. Зыхәба С. Л. Аԥсуа мифологиа. Аҟәа, 2012, ад. 633 – 637.

Анцәашьара// Анцәа ршьара иазку аныҳәара
Анцәашьара – ижәытәу, амшқәа ршьара иадҳәалоу ныҳәароуп.
Амшқәа ршьара иатәу ақьабз иахьа «амшшьара» ахьӡуп. Амшшьара ажәлар хыхьынтә уалны ирыду, Анцәа ирықәиҵаз ус ԥшьаны
иахәаԥшуеит.

Ари аныҳәара, иҟалап, анкьа зны аԥсуаа зегьы иеицырзеиԥ­шыз
ныҳәараны иҟазаргьы. Иахьа имаҷны иуԥылоит, аӡбахә здыруа­гьы
маҷуп. «Иҳақәуп» ҳәа иахьа аӡбахә зҳәо роуп имҩаԥызго.
Аныҳәара аҷыдарақәа ируаку акы ауп – уи ҩнык (ҭӡык) аҟны
иахьымҩаԥырымго. Амҩаԥгара ахәҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп иԥшӡоу
ҭыԥк аҿы; дәҳәыԥш ԥшӡак аҿы, хәы ҳаракыра ԥшӡак аҿы; ӡыхь
бзиак ахьхьаҳәа иҵхәраа иахьааиуа азааигәара, иара убас ҵла дук
амҵан.
Аныҳәара анымҩаԥыргоз. Аныҳәара шықәсык ахьтә знык
имҩаԥыргон. Амҩаԥгара зегьы реиҳа ианаалоит ҳәа иԥхьаӡан
ааԥынра.
Иршьуаз. Иршьуан аџьма шьтәа, «ауасахша» ушьыр ҟаломызт.
Иныҳәон ҭаацәарала рҽааидкыланы. Хаҵа ицахьоу аныҳәа да­
ҵа­дыргылаӡомызт. Аха «анцәашьара» лԥырхаган дыҟазар, уи аҩ­
ны дааганы дырныҳәон. Лара данаауа аӡыс аалгон. Лыӡыс азы
ашәымкьаҭ ҷыда дыргылон, иара аныршьлак, иржәыз акәац уа
иқәырҵон. Агәаҵәа аанкыланы лара хазы дырныҳәон.
Аныҳәара шымҩаԥыргоз. Иныҳәоз аҭаҳмада ӡыш иакәын,
аҭаацәара зегьы иреиҳабу. Ашьтәа агәи-агәаҵәеи х-цык змоу
арасаҵәы иахаҵаны, ашәымкьаҭ аԥхьа дааины, амрагыларахь ихы
рханы абас дныхәон: «Уа, Анцәа ду! Шьарда зымчу! Улԥха, угәыԥха
ҳагумыжьын! Умшшьара ҳахныҳәоит, мдыррак ҳамазаргьы ҳа­
ҭоумҵан!» Икәшаны игылоу аҭаацәара зегьы «амин» рхәоит.
Заа рыкрыфарҭа ҟарҵон. Уи азы абнараса амахәқәа ааганы
ихәхәаӡа асаара ишьҭарҵон, уа рхәы ыларҵон. Авара аҭырас тәар­
ҭақәа ҟарҵон. Аныхәаҩ дныҳәаны данаалгалак, агәи-агәаҵәеи,
маҷк-маҷк амхны, зегьы агьама дирбон. Уинахыс атәара азин рыман. Зегьы раԥхьа дтәон аныхәаҩ. Уи инашьҭыз астол аханы дтәон.
Арыжәтә адыргалаӡомызт. Раԥхьанатә чыӷьла иныҳәон. Итәаз зегьы ачыӷь ҿаҵа кны иахныҳәон.
Аныҳәа иалахәыз маҭәа цқьала рҽеиларҳәон, рҽыкәабаны иҟа­
зар акәын.
Акыраамҭа итәон. Алаф рҳәон, ашәа рҳәон, икәашон. Амш
акыр инаргон. Аҿар ракәын еиҳа икәашоз. Аха аҿар ԥыҭк ианы­
кәаша­лак, адуцәагьы аақәланы хаа-хаа икәашон. Усҟан аҿар
агәақьҳәа рна­пы еинҟьаны идырдыдуан. Ахәымҽхан аҿар аԥхьа
игылон. Нас, насҭ­ха еинҟьаны икәашо иааилагылон. Ԥыҭрак

ашьҭахь аиҳабацәа­гьы гылон. Урҭ еиҭа иныҳәа-ныԥхьаны рыҩ­
ны­ҟақәа ицон. Иаанхаз афатә-ажәтә аҩныҟа агара ҟалаӡомызт.
Иҩы­шьҭыхны акы иқәырҵон.
Алитература
1. Шьынқәба Б. Ахьырҵәаҵәа. Аҟәа, 1990, ад. 459-460.
2. Илҳәамҭоуп Чкотуа З. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ., 23.07.
2012 ш. азы.

Нымираҳ// Лымираҳ// Лымилаҳ
Нымираҳ – аԥсуаа, еиҳарак аҭаацәара иаламлац аҿар – аҷ­
кәынцәеи аӡӷабцәеи ԥхьаҟа ирынасыԥхо аилкааразы имҩа­ԥыргоз
қьабзуп.
Нымираҳ – аразҟы анцәахәы лыхьӡ ауп. Анцәахәы илымоуп
ахьыӡқәа рацәаны –Лымилаҳ, Лымираҳ, Нымираҳ.
Ақьабз мҩаԥыргоит Хәажәкыра ауха. Аритуал Нымираҳ ахьӡуп.
Иадгалатәу амарҭхәқәа: амажәазы ашылеи аши (иахьа ашылеи ачашылеи), аџьыкхыш, «анасыԥҵәы» (ахәажәҵәы, мамзаргьы
арасаҵәы).
Амҩаԥгашьа. Имҩаԥыргоит адуцәа аныцәалак, аҵх агәы
анааҩнашалак. Иалахәу рыцыԥхьаӡа хԥа-хԥа хәажәы ҟарҵоит акгьы агәыламҵаӡакәа, аха аџьыкхыш иарганы. Зегьы рыхәажәқәа
рыманы ицоит уаҩы илаԥш иахьыҵамшәаша, х-мҩакы ахьеихагылоу. Ианнеилак, ҿымҭӡакәа, уа илеиҳәҭҟәыҟәланы, дасу
рыхәажәқәа рфоит. Афара иналагоит гәаныла хынтә абас ҳәаны:
«Нымираҳ, сраӡҟы уаха ԥхыӡырла дсырба!» Анаҩс дара ирфоит.
Уинахыс ацәажәара ҟалаӡом, ҿымҭӡакәа аҩныҟа иаауеит. Дасу
риарҭақәа рыҵаҟа ҵәыцак-ҵәыцак аӡы ыҵадыргылоит. Инеины
ишьҭалоит, уаҳа ицәажәаргьы ҟалаӡом.
Ԥхыӡырла иахьыцәоу, аӡба ианаклак, ԥхьаҟа ирынасыԥхараны
иҟоу дааины аҵәца ирыҵагылоу ҩышьҭыхны идиркуеит ҳәа
иԥхьаӡоуп. Уи ала Нымираҳ иреиллыркаауеит раԥхьаҟа рынасыԥхә
дарбану.

Алитература
1. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1960, с. 22.
2. Бигуаа В.Л. Вопросы традиционной религий и бытовой культуры
абхазов. Аҟәа – Сухум, 2012.

АԤсықәра
Аԥсықәра – ашәарыцаҩ бзиа, зыԥсҭазаараҿы ашәарах ра­цәаны
Ажәеиԥшьаа изиҭахьаз, агыгшәыг хыԥхьаӡара ра­цәала изшьхьаз
иԥсҭазаара даналҵлак, иҩызцәа, игәыцхәцәа злахәны имҩаԥырго
ритуалуп.
«Ашәарыцаҩ ӷәӷәа данԥслак, анышә данарҭа инаркны хахахымш дшәарҭоуп, дыхьчатәуп. Агыгшәыг, еиҳарак ақәыџьмақәа,
рҽеибаркны, уахынла амза ажәҩан агәаҿы ианааилак, ибӷьаҭуа
аԥсы дыҵҳхуеит ҳәа иалагоит»1.
Аԥсы анышә данамардо ауха инаркны, анышәынҭра ахьчара
иалагоит. Иҩызцәа, иқәлацәа, ахацәа бзиақәа гәыԥҩык. Уа иҟазар
ҟалоит ашәарыцаҩцәа, аҭынхацәа. Зегьы бџьарла рҽааибыҭа­
ны анышәынҭра иакәшаны итәоит. «Абас ҳгәыла ашәарыцаҩ
бзиа, аҽыбӷаҟаза ду Гыц Никәа данԥсы, иахьеиԥш исгәалашәоит,
ахацәа ӷәӷәақәа, згәы мшәоз быжьҩы-ааҩы рабџьарқәа дара, даара рҽырӷәӷәаны, хаха-хымш иҳаҭгәын рыхьчон. Ирҳәон усҟан,
аҵхагәҭаны, ақәыџьмақәа рыкәшан, каамеҭ ыҟан ҳәа. Алақәа рыдеизалт ахыу ишуа, аҟәҟәаҳәа ирышьклахысуа анҭ зылақәа цырцыруа ирыкәшоит ҳәа иаҿыз, наҟ икарцеит цәгьала. Ус ҟарымҵар,
дыҵырҳәон, ршьа руеит рымҳәои»2.
Абас анышәынҭра ахьчара иалагаанӡа даҽа қьабызкгьы мҩа­
ԥыргоит. Уи ақьабз Аԥсықәра ахьӡуп. Зыԥсҭазаара иалҵыз аԥсыж­
рахь данырго, дрыцны днеиуеит «изааигәоу, зарԥысра иҭа­гылоу
ҷкәынак (аԥҳәыс дҟалаӡом), иԥсыз иҩны ирааӡаз арбаӷь иманы»3 .
Амҩаԥгашьа. Инарго арбаӷь – рбаӷь ԥшӡазароуп, ахәда цәҳәны
иҟазар ҟалаӡом, аика хьыҩрны акәымкәа иџарџаруа иахагылаза­
роуп, аҵыхәа еилассы, аха амагана сахьа аҭаны, ирхәаны инеиуазар ауп. Аԥштәгьы акраҵанакуеит. Зегьы иреиӷьуп аиқәаҵәа
цыҩцыҩ. Ус иҟоу аҭаацәара ирымамзар, аӷраҷкәын ада егьырҭ
аԥштәқәа зегьы ҟалоит.

Аԥсы ибаҩ зҭоу акәыба аҳаҭгәын ахь алашьҭра ианалаго
аам­­­ҭазы, зықәрахь инеихьоу, насгьы ашәарыцара зыцааиуа,
ашәарыцаҩ ҳәа ззырҳәо арбаӷь аанкыланы абас иҳәоит: «Ажәеи­
ԥшьаа ирыса­даз, ашәарах ирарӷьажәҩаз, агыгшәыг иреи­заԥаны
ҩра иназмышьҭуаз, аԥсаа ҩыԥсазтәуаз ухахәыс арбаӷь имазааит!»4. Абас анааиҳәалак ашьҭахь, арбаӷь ашьапқәа агәы­ҵаркны,
аԥсы ихахьы ирханы ҵәҩанҵәыҟа ирԥыруеит. Уи ашьҭахь аԥсы
анышә иқәԥсара иалагоит, дыржуеит.
Абас аԥсы ихьӡала иоурышьҭыз арбаӷь аӡәы икны аҩныҟа игар
ҟалаӡом. Ахала зашҭа иҭалаз аԥшәма акра азин имоуп. Иаанкыланы, уахык акалаҭ иҵеикуеит. Адырҩаҽны ишәахьазар ус иаанрыжьуеит, арбаӷь иалакьысӡом. Иахьа шәахьазар, уаҵәы азы
иршьуеит зҿы инеиз аҭаацәара. Ижәны, аҭаацәара зегьы, аӡәгьы
дагымкәа, иааидтәалоит. Аԥшәма аҵәца аашьҭыхны абас дныҳәон:
«… Иугәаԥханы иааҟауҵахьоу, уахьыҟоу иузысабаԥхааит!..». Ара
ииныҳәо, арбаӷь зыхьӡала иаурышьҭыз, уажәы иҿырхуа аԥсы иоуп.
Аритуал зызку уи гәнаҳарыла акыр ишьхьазар, рыгәнаҳа да­
ҵанамкырц, Ажәеиԥшьаа Анцәа иҿаԥхьа иԥсы ҿихырц азы ауп.
Алитература
1. Иҳәамҭоуп Габниа Назырбеи. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
01.15.2018 ш. азы.
2. Иҳәамҭоуп Габниа Назырбеи. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
01.15.2018 ш.азы.
3. Камкиа Шьаликәа. Ажәлар рдунеи. Аҟәа, 2009, ад. 358.
4. Иара уа, ад. 358-359.

АԤсы 1
Аԥсы – аԥсуаа изларҳәо ала ацәеи ажьи рыԥсы ҭазҵо, ауаҩы
дныҟәаратәы, дхәыцратәы, дцәажәаратәы дҟазҵо акоуп.
«Ԥсы зхам акгьы ыҟаӡам – ауаҩы, аԥстәы, аԥсаатә, аҵла, ахаҳә.
Зегьы ԥсык-ԥсык рхоуп». Урҭ зегьы рыԥсы ҭоуп, ицәажәоит
дасу рхатәы бызшәала. Абас аҳәоит аԥсуа ихәыцра. Иҟоуп уи
шьақәзырӷәӷәо аԥсуа жәаԥҟагьы – «Адунеи иқәу зегьы ԥсык-ԥсык
рхоуп».

Аԥсы зеиԥшроу. Аԥсы – икәымпылынгьы, цқьа икәымпылым,
акәтаӷь еиԥш иааизыхәхәаны, иҩежьӡа // еишьшьылккараӡа, аԥ­
сыԥ мпыл еиԥш иласӡа иҟоуп. Ацәеи-ажьи анԥслак Аԥсы «изыӷраз»
иԥшра-исахьа азынхоит, амала уи «абаҩ алаӡам, аҳауа еиԥш
иласӡа» иҟоуп. Ԥхыӡырла, ма лабҿаба дызбо «иԥсы анҭаз имаз
исахьа иманы дырбоит, аха ицәеи-ижьи «уркьысратәы, иукратәы»
иҟаӡам, «алҩақ иаҩызоуп, инкаба ицоит». Ла бзиак аҟара агылара
аманы, ишкәакәаӡа избогьы ыҟоуп, иқеиқеиуа, ишкәакәаӡа.
Аԥсы аҭыԥ. «Аԥсы ахатәы ҭыԥ амоуп» рҳәоит аԥсуаа. Уи «Аԥ­
саҭыҩра» ҳәагьы ахьӡ амоуп. Ауаҩы иԥсы ҭанаҵы Аԥсы иҩны­
ҵҟа иӷроуп. Аԥсуаа «Аԥсаҭыҩра» ҳәа иашьҭоуп ахәламшәы иамоу
агәаҩара. Аха аҭыԥ шамоугьы уи уа еснагь иҭатәаӡам, иныҟәоит.
Иҟалоит аамҭала даҽаџьара аҭыԥ ылнахыргьы. Ҽынла Аԥсы ауаҩы
«ишьаԥхыц иавҵатәоит». Убри азы ауп «ҽынла ушьаԥхыц амухыр
ҟалаӡом» зырҳәо. Уахынла Аԥсы «анаԥхыц иав­ҵатәоит». Аԥсуаа
рхәыҷқәа уахынла «шәнаԥхыц амшәымхлан, шәыԥсы ахьцо аимуа
иқәхар ҟалоит» рҳәоит.
Аԥсы ахахәы иалатәаргьы ҟалоит ҳәа азхаҵарагьы ыҟан аҟ­
нытә, ахацәа рхы анырсоз ахыцәкәакәын аанрыжьуан «аԥсы уа
аҽаҵәахып ианаҭаху» ҳәа. Аԥсуа традициа излаҳәо ала, Аԥсы
иалхны иамоуп ахатәы ҭыԥқәа – «аҩнқәа»: ахәламшәы агәаҩара,
ашьаԥхыц, анаԥхыц, ахахәы, ахаԥыц – «иԥсы ихаԥыц икылакны». Ауаҩы иԥсы ҭанаҵы, даҽакала иуҳәозар, ари адунеи аҿы
дыҟанаҵы, ицәеи-ижьи рҿы еснагь иахьыхынҳәуа ҳәа иамоу
аҭыԥ ахәламшәы аҵаҿы иҟоу агәаҩара ауп. Уи ауп «аԥсаҭыҩра»
ҳәа хьӡыс измоугьы.
Аԥсы алшарақәа. Аԥсы иалшоит ахәыцра, аилкаара амоуп,
ицәажәоит, иныҟәоит, иабоит, иаҳауеит, ишәоит, игәаауеит, иамоуп ачҳара, агәхьаагара, амла иакыргьы ҟалоит, иажәуеит аӡы,
иӡырҩуеит, ишәшәуеит, игәамҵуеит. Ахала ианыҟәоу секундк
ала адунеи ахи-аҵыхәеи еимырҟьаны ихынҳәуеит. Адгьыл аҿы
ишыҟоу, «улацәа ааихҟәысаанӡа» ажәҩан ахь ихалоит, уаантәы адгьыл ахь илбаауеит. «Аԥсы ахшыҩ аҵкьыс иласуп». «Фу» уҳәаанӡа
иахьнеиша инеиуеит. Адыррақәа шьҭнакаауеит.
Аԥсы ахылҵшьҭра. «Аԥсы ахааназгьы иҟан» – ари еиԥш иҟоу
агәаанагара аԥсуаа зегьы еицеиҩыршоит. Зегьы раасҭа ижәытәу
гәаанагароуп. Уи инамаданы иҟоуп иҵегьы агәаанагарақәа –

«Аԥсы Анцәа иаҳхеиҵеит, аха иаҳхыхны изго Аԥсцәаҳа иоуп». Уи
атәы зҳәо амифқәа рацәоуп.
Аԥсуаа Аԥсы аеҵәақәа ирыдырҳәалоит. «Ауаҩы даниуа ииа­
ҵәахәы ажәҩан икыдлоит», – рҳәоит. Даныԥсуа уи ииаҵәахә ажә­
ҩан икыдшәаны икәлаауа аҿыланахуеит. Убри азы ауп аԥсуаа
ажәҩан аҟнытә еҵәак кәлаауа илеиуа анырбалак, «сиаҵәахә кыдуп, сиаҵәахә кыдуп» ҳәа хынтә изиҳәо. Аԥсуаа ирҳәоит «адунеи
иқәынхо зегьы рыцыԥхьаӡа еҵәахә ажәҩан икыдуп» ҳәа. Ари акыр
ижәытәӡоу, Аԥсы ахылҵшьҭра атәы зҳәо теориатә концепциоуп.
Иҟоуп ақьырсиан традициа аконцепциа зныԥшуа аԥсуа мифтә
ҳәамҭақәагьы. Урҭ ҩ-версиакны иҟоуп. Актәи аверсиа аарԥшуп
«Анцәа ауаа шишаз» ҳәа иҟоу аҳәамҭақәа рцикл асиужетқәа рыҟ­
ны. Иаазыркьаҿны уи абас аҳәоит: Анцәа анышәаԥшь иалхны
ахаҵеи аԥҳәыси рсахьа иргылт//ишьҭеиҵеит. Нас даалаган Аԥ­
сы рыхәлеиҭәҳәан, рыԥсы ҭеиҵеит. Даргьы рыла аахыртын, нас
ԥшьшьаала иҩагыланы рҿынархеит.
Аҩбатәи аверсиа актәи рацәак иацәыхарам. Асиужет аҿы инеи­
ҵыхны иубоит Анцәа ауаа анышәаԥшь иалхны рсахьақәа шы­
шьҭеиҵаз// иширгылаз//ишичаԥаз. Аха урҭ макьана ԥсы рхамызт.
Аршь Кәыкәба захьӡыз аҭыԥ аҿы игылан ҵлак. Уи аҵла ақә­
цәан иқәтәан ҵыск. Анцәа аҵыс ус аиҳәоит: «Уԥсы сыҭ, исшаз
ирхасҵоит». Аҵыс аҵәыуара иалагеит. Илаҿшәаз алаӷырӡ наганы
зсахьа ҟаҵаны ишьҭеиҵахьаз ахаҵеи аԥҳәыси ирыхәлеиԥсоит.
Даргьы рыԥсы ааҭалоит.
Иԥсхьоу иԥсы зхалар иҟало. Иԥсхьоу иԥсы амаҭ ацәа ахар­
ԥаны аҩны иааир ҟалоит џьара иџьоушьаша «жәабжь ҿыцк ҟа­
лараны ианыҟоу». Амаҭ ааира ажәабжь ҿыц иасимволуп. Убри
азы аҩны иҩналаз амаҭ аԥсуаа иршьӡом. «Ақьафын шкәакәа иалху ашьыршьаф шкәакәа аԥхьа ишьҭарҵоит, уи ҳаҭырқәҵароуп ҳәа
азырԥхьаӡоит. Иаргьы ԥшьаала уи иқәланы ашьҭахьҟа игьежьуеит».
«Амла иакыз Аԥсы ауп аҩны амаҭ ацәа ахарԥаны иҩнало» ҳәа
зҳәогьы маҷыҩӡам.
«Ицәоу ауаҩы, уи уаҩы гызмалк иакәзар, иԥсы цаны ақәыџьма
иақәтәоит, ма ацгәы иахалоит. Нас ицаны арахә – абна илахаз рфоит, ма арҩаразы ахақәа рҿы икнаҳау ашәхақәа, акәацқәа аакныхны иргоит, ирфоит, иԥхасҭартәуеит». Урҭ дара рбызшәа еибакуеит
ҳәа иԥхьаӡоуп. Ауаҩы гызмал иԥсы, иара убас, аты ицаны иахалар

ҟалоит. Уи азы ауп аԥсуаа «аты гызмалуп» зырҳәо. Ҿыц иԥсыз иԥсы
ихалар ҟалоит асаби, иираны иҟоу ахәыҷы. Ус иҟамларц азы ҿыц
иԥсыз аԥсыжрахь дандәықәыргало аамҭазы аԥсуаа «зцәа зтәым
зегьы ԥхьаркуеит. Мамзар, зцәа зтәым макьана зҭыԥ ахь имцац
Аԥсы лхьыԥшыр ҟалоит, Аԥсы илаԥш лаахар, дакыр алшоит. Усҟан
уи Аԥсы асаби иахь икшаргьы ауеит».
Аԥсы аԥсҭазаашьа. Аԥсуаа излазхарҵо ала, Аԥсы аԥсҭазаара
етапла еихушар ҟалоит: Ауаҩы даниуа ициуеит, мамзаргьы ихалоит//иӷралоит//ихәларҭәҳәоит//ихәларԥсоит; даныцәоу ихыҵны
ицоит ицәеи-ижьи ааныжьны. Ааигәа џьара инеир ҟалоит, ма хара
ицаргьы; ауаҩы аӡба дакуа дышьҭалар, иԥсы ӡыжәра иааигәа иҟоу
аӡыхь ахь ицоит. Иныҟәоит, инаԥшы-ааԥшуеит. Ихынҳәны ианааилак, икәымпылуа, инеины иҿы инҭалоит. Иаргьы убасҟан ацәа
даалҵуеит, дааԥшуеит. Аԥхыӡ иибогьы иԥсы ахьныҟәоз «иабаз,
иаҳаз, адыррақәа ишьҭнакааз» роуп; Аԥсы аамҭала ауаҩы ицәеиижьи хымш, ма мызкы иназынаԥшуа иааныжьны ицар ауеит, аха
нас ихынҳәуеит. Ауаҩы иԥсы аамҭала ицәеи-ижьи ааныжьны ацара атәы зҳәо, иара уи аҟазшьа ҷыда зегьы раасҭа иахьаабо еиҳарак
«Ицәалахаз», «Нарцәы ицаны иааз» захьӡу амифқәа рсиужетқәа
рҿы ауп.
Аԥсы ауаҩы ихыҵны ацара. Аԥсы аҟазшьа ҷыдақәа иреиуоуп изтәу инеихыҵны ацара. Ус ацара иамоуп ахатәы мзызқәа:
1. Аӡышра. Аӡба иакуа ишьҭалаз даныцәалак иԥсы неихыҵны,
ӡыжәра, ицоит. 2. Аԥсы абас ицар ҟалоит ауаҩы инеихыҵны ус
баша, иаҳҳәап, анаԥш-ааԥшразы. Аӡы зжәуеит ҳәа ицо Аԥсы
иҟалоит џьара акы иаҵахар, иаҳҳәап, «ажә ауац илеиуаз» ихнаҩар.
Усҟан, зыԥсы хнымҳәыз ауаҩы аамҭала дыԥсуеит. 3. Ма, Аԥсцәаҳа
иигараны иҟаз ауаҩы иԥсы аку џьашьа Нарцәыҟа ианигогьы
ҟалоит. Абарҭ амзызқәа ирыхҟьаны Аԥсы Нарцәы инеиуеит, аха уа
«уаамҭа макьана имааиӡацт» ҳәа дырхынҳәны даарышьҭуеит, иаргьы, дҭаҳәахаа дыцәазшәа, ииарҭа дҩықәтәоит. 4. Аԥсы аамҭала
ауаҩы ихыҵны ицоит иԥсы анеилахәо, иԥсы анмаҷхо, иӷәӷәаны
даншәалак. 5. Аԥсы наунагӡа ауаҩы ихыҵны ицоит «иаамҭа,
иҽҳәара» анааилак. Уи аҭагылазаашьа аԥсуаа рҿы «аԥсра» ахьӡуп.
Аԥсы усҟан ицоит даҽа дунеик ахь. Уи адунеи иахьӡуп Нарцәы//
Нырцәы. Ари адгьыл аҿы уи аамҭала акәзар иахьыҟоу, уа, Нарцәы,
иара наунагӡатәи атәарҭа, агыларҭа, аҟазаарҭа ауп.

Аԥси ацәеи ажьи реизыҟазаашьа. Аԥсы ԥсра ақәӡам. «Ацәеижьи анышә ишалху еиԥш анышә ахь ицоит», инышәхоит, иԥхас­
ҭахоит. Ацәеи ажьи баауеит, иттоит, иуацхоит.
Аԥсы фҩы ҷыда амаӡам, уи цқьоуп, иамоуп адоуҳатә хылҵшьҭ­
ра. «Зыԥсы бжьоу иԥсы цқьоуп». Ауаҩы бзиа аԥсыцқьа зхоу иоуп.
Араҟа ауп ахы ахьакуа аԥсуаа Аԥсуара ҳәа ирымоу рдоуҳатә кон­
цепциагьы. Уи арамка иҭыҵыз «иԥсы цқьаӡам», адоуҳа иацәы­
хароуп, иазрыцҳауп. Аԥсы зхыҵны ицаз ацәеижь нҵыра амаӡам,
ибаауеит, иԥсуеит, ииаӡӡаауеит. Аха Аԥсы иаразнакы ацәеи-ажьи
ааныжьны ицаӡом. Аԥсуа мифологиатә традициа излаҳәо ала,
ауаҩы данԥслак, ихаз, уажәы ихыҵны ицаз Аԥсы хаха-хымш
ааигәа иҟоуп, «ашәваз», «ахәбылра» иқәтәаны иааԥшуеит. «Амала ацәеи ажьи зыԥсыз аздырӡом». Ибаҩ анышә ианамардалак,
ҩын­ҩажәамш абаҩ иахылаԥшуеит. Уахь аҭалара арманшәаларазы
анышәынҭраҿы уи аҭаларҭа ҭыԥ аанрыжьуеит.
Аԥсы «алашьцара иацәшәоит» рҳәоит. Убри азы ауп ҩын­
ҩажәамш ҵаанӡа анышәынҭраҿы уахгьы-ҽынгьы алашара аркны
изаанрыжьуа.
«Аԥсы амла иакыр ҟалоит» ҳәа аишәа дыргылоит, ҩынҩажәа
мшы, есуаха, ацәымза адыркуеит. Аԥсы Нарцәы инеиаанӡа абла
акгьы абаӡом, илашәуп, ҩ-дунеик ирыбжьагылоуп, «макьана ҭыԥ
иқәымлаӡацт азы ҳәа» рыԥхьаӡоит аԥсуаа. Уи макьана амлагьы иакуеит, аха уи акрыфара – иаабац крыфараӡам. Аԥсы иалшаӡом ахәы
ԥҽны афара. Ахәы иахылҵуа ахылҩаԥсылҩа ауп фатәыс иамоу.
Аԥсы ҩналарц азы ашә ҵрааны иаанрыжьуеит. Акрыфаншьҭахь
Аԥсы адәахьы ирышьҭуеит. «Аԥсы аҩны иҩнахар агәамҵра иалагоит» ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аԥсы аҩны ацәеиламгарц азы ҩынҩажәамш ҵаанӡа «ҿыцра»
адыргалаӡом, ишыҟоу иаанрыжьуеит, ашәра, ҿыц ашьыхра, ахаҿы
аԥсахра иалагаӡом. Иара убас анышәынҭрагьы. Аҩынҩажәамш
рышьҭахь Аԥсы ацәеи ажьи ааныжьны Нарцәыҟа амҩа иқәлоит.
«Ҩынҩажәа мшы рыҩныҵҟа ажьи абҩи еилыҵуеит» рҳәоит ажәы­
тәуаа. Уи нахыс Аԥсы шықәсык ахьтә знык, Нанҳәа ауха, аишәа­
ргыларазы иаалоит.Ианаауа иааргоит адырра ҿыцқәа, хабалак
иҟалараны иҟоу рдыруеит.
Аԥси абзеи реизыҟазаашьа. Аԥсы абза дибоит, аха абза мап.
«Аԥсы илшо абза илшаӡом», рҳәоит аԥсуаа. Аԥсы илымшо акгьы

ыҟаӡам. Уи зегьы ибоит. Аԥсы дырбоит ахәыҷқәа, дабоит ала, иара
убас арбаӷь, атыҩарҩар. «Аԥсы шыҟацәҟьоу агәра зго дибаргьы
алшоит». Аԥси-абзеи реиԥыларақәа, реиқәшәарақәа ртәы рҳәоит
«Аԥси-абзеи реиԥылара» ацикл иатәу амифтә ҳәамҭақәа. Руак асиужет ааркьаҿны абас иҟоуп: Хаҵак дыԥсит. Ахымш рзы дыржит.
Есԥшьаша ацәымза аркра иалагеит.
Уахык аишәа дырхиан, ацәашьы ххаӡа иаркны инықәдыргылт.
Аԥсы дызлааиуа ҳәа аҩны ашә ҵрааны иаанрыжьит. Аҭаацәа зегьы ҿымҭ, ԥшьшьала иааилатәеит. Ара дыҟоуп иԥсыз имаҭа хәыҷы.
Уи дқәацәӡа дыҟоуп, иибо, иаҳауа еилирго. Амаҭа днаԥшызар, аа,
иабду дааҩналт. Ак иҳәарц иҿы ҩеихихын, «аа, уцәажәар ҟалаӡом,
Аԥсы шәоит», рҳәеит. Иаргьы иҽааникылт.
Абдугьы инацәа иқьышә инадикылан, «ҿыумҭын» ҳәа днаиабжьеит.
Абри аҽны инаркны амаҭа анышәынҭра ааигәа тәарҭас, гы­
ларҭас ишьҭихит. Ацәашьаркра иагхар игәы иалсуан, аҵәыуара далагон. Рырахә абна илахар, абду дааины иахьыҟоу амаҭа еиҳәон,
еснагь дрыцхраауан.Амаҭа хәыҷы иҟазшьа акыр иԥсахит. Знызынла имацара анышәынҭра ааигәара идыргылаз атәарҭаҿы
дтәаны ацәажәара далагон. Аҭаацәара арҭ рымбар ҟалозма, аха
иахырҳәаара рзымдыруа иҟан.
Ҽнак иан дыхҭалкт: «Иҟалазеи? Иухьзеи? Ухала уцәажәо аны­
шәынҭраҿы узтәоузеи?» – лҳәеит. Ахәыҷы акгьы имҳәеит. Аха ларгьы диҟәамҵит. Абду иеиҳәахьан «сара сшубо уҳәар, уаҳа субаӡом»
ҳәа. Ан даниҟәамҵ, ахәыҷы аҵәыуара далагеит: «Бабаду иоуп са
сзацәажәо, аха шьҭа дызбаӡомеи!» – иҳәан, зынӡа еимаҭәаны
аҵәыуара далагеит. Уиакәхеит. Уинахыс «сара узбалоит, аха уара
уаҳа субар ҟалом!» – иҳәан абду, имаҭа ихы днагәӡын, ихаҭа дынкабеит2.
Иԥсыз иԥсы, аԥсуаа агәра зларго ала, ауаҩы иԥхыӡ аҿы изааир
ҟалоит, адырра ҿыцқәа изаанагар, иҟалараны иҟоу ианаҳәар.
Аԥсы адәы иқәу зегьы абоит, ирҳәо аҳауеит, иарбан ҭыԥу
иахьыҟазаалакгьы. Аха иара аламала иубаӡом. «Абзеи аԥси аӡы
рыб­жьоуп», аҳәоит аԥсуа жәаԥҟагьы.
Аԥсы изхыҵыз иҭахрақәа зегьы канаршәӡом. Иҭынхадоу Аԥсы
хәы амаӡам. Убри азы ауп аишәаргыларақәа раан аԥсуаа «хәы
змам, иҭынхадоу аԥсцәа рзы» ҳәа ахәы хазы аҩны идәылганы

иԥхьакны изышьҭарҵо. Хәы змам аԥсы шәарҭоуп, алаԥш раахар
ҟалоит ахәыҷқәа, адуцәа3.
Аԥсы ауаҩы ишихыҵуа. Аԥсуа традициатә культуреи амифологиеи изларҳәо ала, ауаҩы иԥсраан Аԥсы «ԥшьшьаала аҽеи­
знагоит», «иҩаскьо, иҩаскьо иҿы иҭыҵуеит еишьылккараӡа»4.
Аԥ­сы ауаҩы ихыҵыр ҟалоит «иԥынҵалагьы». Ишәаз изы «иԥсы
иԥынҵа икылҟьоит» рҳәоит. Аԥсы ауаҩы абас ихымҵкәа, ма изи­
хымҵкәа «ихәлаччыр, ихәлахар» ҟалоит.
Аԥсуаа ауаа зегьы рыԥсхыҵрақәа еиԥшӡам ҳәа азырԥхьаӡоит.
«Гәнаҳа змам», «зыԥсы цқьоу» иԥсхыҵра мариахоит, аха «агәнаҳа
рацәаны иаҵоу, зыԥсы цәгьаз», «зуал зымшәакәа иԥсыз», «ашылеи аџьыкхыши ԥсахра иганы измыргьежьыз», «ҩыџьа рразҟы
иаԥырхагахаз», «агәыла иаанда шәаны амца иақәызҵоз» рыԥсхыхра
цәгьахоит. Ауаҩы данԥсуа иԥсхыхшьала «иудыруеит иԥсы анҭаз
ԥсҭазаашьас имаз», – рҳәоит ажәабжьҳәаҩцәа. Ара иҟоуп абарҭ
аԥсуа шәирақәагьы рхыҵхырҭа – «Уԥсышьа цәгьахааит!», «Уԥсы
егьымцо иагьымаауа Анцәа исирбааит!». Аԥсраан аԥси ацәеи-ажьи
реилыҵра ҟалоит ахала, аха Аԥсцәаҳа дааины ихыхны ианигогьы
ыҟоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аԥсхыҵра арманшәашьа. Зыԥсра ааиз, мамзаргьы аизгара иалагаз ауаҩы иԥсхыхра иацхраауеит иҭаацәа, игәыцхәцәа,
агәылацәа. Ауал иқәзар иаразнакы еилкааны иршәоит, «аҩны
ашәқәа, аԥенџьырқәа аадыртуеит», «имаҭәа ишәу аҳәынҵәрақәа
ԥдыртлоит», амаҭ адаӷь заҿыҵакыз иамхны еиқәзырхаз ауаҩы
дыԥшааны дааргоит. Аԥсы ацәеи-ажьи рҿы иаанхар ҟалаӡом, аҭыԥ
ахь ишьҭтәуп. Аԥсы ашьҭразы акәыпа андәылырго хынтә иргыланы ишьҭырхуеит «аԥсы нханы иҟазар иалҳаршәшәап» ҳәа. Аԥсы
дыкҿанаҵы аҩнаҭа иатәу ӡаагара ицаӡомызт, аҩны иҟоу аӡқәа зегьы, «аԥҳалқәа ирҭаз» инадаркны инаганы икарҭәон, «аԥсы иԥсы
уа ӡыжәра инеир иҭаҳар ҟалоит» ҳәа азыԥхьаӡаны. Асаркьа аҿы
хырҩон «аԥсы уа ианхалар ҟалоит», мамзаргьы «макьана Аԥсы
иахьыз цқьа иаздырӡом, ацәеи-ажьи шыҟоу абар ишәоит» ҳәа
азыԥхьаӡаны.
Алитература
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Амифи аритуали - 08
  • Büleklär
  • Амифи аритуали - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3580
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3614
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2145
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3642
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2095
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3614
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3626
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3670
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3629
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2152
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3610
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2027
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3551
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2028
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3600
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2178
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3603
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2191
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3565
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2164
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3578
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3672
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3649
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2372
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3599
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2081
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3028
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1914
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.