Latin

Амифи аритуали - 06

Süzlärneñ gomumi sanı 3670
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ахәыӡ бысҭа руан. Араҟагьы аҳәса адгылара азин рымаӡам, аҳәса
аныҳәазы иҵаз аҳаԥшьа иҭаз аҩы аҭыхрагьы азин рымамызт,
иақәиҭмызт.
Лых-ных амч ду амоуп ҳәа иԥхьаӡан. Уи иамаз амчра иазкны ажәлар ажәабжь рҳәон. Ажәабжь излаҳәо ала, ҽнак Лыхны
ашҭаҿы игылоу аҭәаҵла амҵан гәыԥҩык аҭаҳмадацәа еицәажәо
итәан. Иштәаз акәымкәа, ҽуаҩык дҽырба-ҽырбо ашҭа дааҭалеит.
Аҭәаҵла аҵаҟа итәаз аҭаҳмадацәа даарывалеит, аха аԥсшәа рам­
ҳәаӡакәа, дҩарывсны дцеит. Аҭаҳмадацәа даара ргәы иалсит
аԥсшәа ахьреимҳәаз. Руаӡәк дҩагылан: «Иа, Лых-ных, шьарда
зымчу. Абра аҽыуаҩ иҩеиуа хиала думышьҭын!» – иҳәеит. Аҽыуаҩ
ашҭа агәы ааиҩишахьан еиԥш, агәаԥхара иоун иҽы ишьхәа нарбаны дҩаҵҟьеит. Лых-ных ааигәара дҩеиуаны еиԥш, иҽы лықәҟьан
илкаҳаит, иҽгьы иаргьы рыхәда ныхԥа ицеит.
Алитература
1. Шьаҟрыл К.С. Лыхных // Адыррақәа// Известия IX, Қарҭ, 1980,
ад. 116-119.
2. Иара уа, ад. 117.
3. Иара уа, ад. 118.

Алаҵгара
Алаҵгара – қыҭак, цуҭак иатәу ашәарыцаҩцәа мҽышак азы
иааибыҳәаны, уи иацу аритуал мҩаԥганы, аламаҵуарқәа рыманы,
шәарыцара рцара ауп.
Аритуал амҩаԥгашьа.
Мҽышак азы, ашьыжь шаанӡа, гәыԥҩык шәарыцара еиццало,
дасу рлақәа рыманы, еизоит руаӡәк иҩнаҿы. Уа днеиуеит ашәа­

рыцаҩцәа зегьы пату зқәырҵо, иззыразу, иззыӡырҩуа, раԥхьа
идыргыло «абчараҳ» ҳәа ахьӡ ҷыда зҭаны ирымоу рԥызаҩ.
Зегьы анеизалак, еицны идәықәлоит ишәарыцап ҳәа ргәы
иахьҭаркыз аҭыԥ ашҟа. Уа ианнеилак, еиҳа ицқьоу ҭыԥк аҿы иаагылоит, амца еиқәырҵоит. Рԥыза зегьы рҟәыхқәа рымхны еизигоит. Иааилагәаны инапаҿы иааникылоит. Иара дназлоу зегьы
неины амца иакәшаны иаахагылоит. Аҟәыхқәа иарӷьа напаҿы
иааникылоит. Ибжьы ҭыганы абас дныҳәоит: «Ҭыӡшәак ҳамазар,
гәеизынхарак ыҟазар, абна инхо Ажәеиԥшьаа ԥырхагас иҳаумҭан!
Ҳарԥарцәа цәгьа ихысыз аԥсырҭа иақәиршәааит! Абзиа ихысыз
абла иҭаиршәааит! Ала зышьҭалаз шәаӷәашәара инанышьҭааит!
Ихысуа ихҭыԥ кәтыцшәа ихиааит!»1.
Аныҳәара данаалгалак, иику аҟәыхқәа амца иақәиҵоит. Урҭ
уа иблаанӡа зегьы амца иахагылазаауеит. Ианбыллак ашьҭахь,
«ҳацқьахеит» ҳәа наҳәаны шәарыцара идәықәлоит. «Ирбылуа ахь­
ԥшы илаԥш, имшьҭа ацәгьара ауп».2
Ашәарыцаҩцәа рҽыршоит абас: Аҿар – «амаркалцәа» рлақәа
рыманы абна илалоит. Урҭ ашәарах ршәаны, адуцәа амҩақәа кны
иахьтәоу ахь раацара ауп рнапы иану.
Аиҳабацәа ибзианы ирдыруеит алаҵгара аан идыршәо ашәарах
еибарсны иандәықәлалак, иахькылсуа аҭыԥқәа.
Ашәарах абна рылцара иазку аҿар рыбжьы дууп, ихысуеит,
ашәарах афҩы зкыз рлақәа ҵаруеит. Егьырҭ ашәарыцара хкқәа
раан иҟоу аҭынчра, аҽыҵәахра ара иҟаӡам.
Алаҵгара аан иахьышәарыцоз еиҳа абна еилачырақәа, ахәажә
ахьырацәоу, ауаҩы дҳәазаны ада дахьзымныҟәо абна цәгьақәа рҿы
акәын.
Иманшәалахар, иршьыз рыманы ашьыжь изыҩныҵыз аҩны
ашҟа ихынҳәуан. Уа ашәарах ацәа ахыхны, дасу ирықәнагоз ахәҭа
рыҭаны, рыҩныҟақәа ицон.
Алитература
1. Ҷоҷуа А.М. Иҩымҭақәа реизга. Х-томкны. Актәи атом. Аҟәа, 1968,
ад. 190.
2.Иҳәамҭоуп Чкотуа Д. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ., 1996 ш. азы.

Амашәырҳәа
Амашәырҳәа – ари ахәыҷқәа, еиҳараӡак ақәыԥшцәа рзы им­ҩа­
ԥырго ныҳәароуп.
Аныҳәара ҟарҵоит есышықәса, шәахьак аҽны.
Дырныҳәоит лассы-лассы амашәыр иақәшәо. Арбаӷьҷышь, макьана аҿыҭра иаламгац аанкыланы, аика цкәаны, ашьа иалҵыз
ирныҳәо илахь иахьыршьуеит «дахьынҭыҵо уихылаԥшла!» ҳәа
ҳәо. Иара ахаҭа наҟ иаурышьҭуеит.
Иааиуа ашықәс азы иара шьны ацкы ықәдыргылоит.
Амҩаԥгашьа. Шәахьак аҽны акәакәарақәа, ачаҳаржәқәа, ахәа­
жә­қәа ҟаҵаны асаан инанырҵоит. Ҵыԥх зика цкәаны иау­рышь­­ҭыз
арбаӷьҷышь, иахьа иарбаӷьу, иахныҳәаны иршьуеит. Ижә­ны, агәиагәаҵәеи надкыланы, уигьы уа асаан инанырҵоит.
Амра аҽанышьҭнахлак, асааҭ жәаҩа реиԥш, аҩны, ма адәны
ирныҳәо днаганы, аҵәца азна аҩы надгаланы, аҩны иҟоу аԥҳәыс
цқьа дныҳәоит. Иара, зыхьӡала иқәыргылаз, агәи-агәаҵәеи маҷк
амхны иҿарҵоит, агьама идырбоит.
Иааиуа ашәахьа аҽны ацкы ықәдыргылоит ишыҟарҵац еиԥш
аика цкәаны.
Иршьуа. Арбаӷь шкәакәа зегьы иреиӷьуп, аха аԥштәы еи­ла­
ԥсазаргьы ҟалоит.
Ашықәс ҵаанӡа арбаӷь ԥсыр, зыхьӡала адәы иқәу изы ибзиам,
агәамбзиара иатәуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Иныҳәаны, «уԥсы ҿаҳхуеит»
ҳәа ҳәаны арбаӷь ҿыц ықәдыргылоит.
Амашәыр иақәшәало идагьы, арра иргоз ихьӡалагьы арбаӷь
ашьапхыц хҵәаны иаурышьҭуан.
Арра иргоз иуа, иҭынха дрылсны ибон. Ус иаԥын. Дахьнеилак пату иқәырҵон, ашьтәа изыршьуан, ма ашәашәи рбаӷь. Уи
патуқәҵаран, еибабаран.
Иҭынхацәа баны аҩныҟа данцоз, ихьӡала арбаӷьҷышь (арбаӷь
ҿа) адәы иқәырҵон ашьа маҷк каҭәаны, ма ашьапхыц цкәаны.
Ус иаурышьҭыз арбаӷь зыхьӡ ахыз аррахьтә дхынҳәаанӡа ир­
шьӡомызт. Ҷыдала иацклаԥшуан, ахәы арҭон. Арра аҟнытә даны­
хынҳәлак, иахныҳәаны иршьуан.
Алитература
1. Ахархәара амоуп Барцыц Наалеи Смыр-Габниа Ардеи рҳәамҭақәа.

Амшәхәы амхра
Амшәхәы амхра – шықәсык зхыҵыз ахәыҷы раԥхьаӡакәны
ихахәы нықәкны ианамырхуа имҩаԥырго ақьабыз ауп.
Аԥсуаа ахахәы, ахыцәхәыц амагиатә мычду амоуп ҳәа азырҳәон.
Аӡқәеи, аӡиасқәеи, аӡкәарҷҷақәеи рынцәахәы Ӡыӡлан-Ӡаҳкәажә
лымчра зегьы лыхцәхәыц аҿы иҟоуп, маҷк адамхаргьы ихҵәаны
изгаз ахаҵа, лымчра зегьы иара игон. Лыхцәхәыц иманаҵы лара
иара имаҵ луан, лымшара зегьы иҭаацәа рахь ииасуан, «арыӷьарахь
игьежьуан, барақьаҭра рыгхомызт, рыхш, рышә еиныланы иҟан,
ибзанхацәахон».
Зегьы раасҭа иԥшӡоуп ҳәа иԥхьаӡан ахцәы еиқәаҵәа, ахцәы
хьыԥштәыла.
Ахахәы азы аԥсуаа абзиарақәа ирҳәо рацәоуп: 1. Ахахәы рацәа
зқәу – дымшуп. 2. Ахахәы рацәа зқәуу – амал ицааиуеит. 3. Зхахәы
еилассы ижәпоу – агәабзиара имоуп. 4. Зхахәы цырцыруа изхагылоу – игәы цқьоуп. 5. Зхахәы еилҵәраауа иҟоу – лнерв ҭынчуп. 6. Аб
ижакьа кны дқәыр – иажәа еилеигаӡом. 7. Аб ижакьа кны дшәиир
– ииҳәаз ҟалоит. 8. Аб даншәиуа – иԥаҵа ахәыцқәа зегьы «амин»
рҳәоит.
Амшәхәы анамырхуаз. Ҿыц ииз ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа
ихахәы амухыр «ҵасым» ҳәа ирыԥхьаӡон. Иҟоуп иҵегьы агәаа­
нагарақәа. Хәымз анихыҵлак иамухыр ҟалоит, аха уи иаҵанакӡом,
ахәыҷы ихы зынӡа инықәкны ирсон ҳәа. Ахәыҷы ихахәы ила
иҭассы, ила «иҭаҳауа» иҟалар, илақәа еиҳәҭаԥшуа иҟанаҵоит ҳәа
маҷк ихдырффон. Ихдырффаз «ацаха иҭаӡны агара икнарҳауан»1
ахәыҷы дахьчоит ҳәа.
Изызҳауа ахәыҷы, знык адамхаргьы, хымԥада, ихы// лхы нықә­
кны ипашшӡа ирсон. Ус узхыламԥшыз ихахәы ԥхьаҟа икаԥсоит,
иаӷахоит, аҽарҽеиӡом, азҳара уадаҩхоит ҳәа иԥхьаӡан. Убри аҟ­
нытә ари ақьабз иацклаԥшны имҩаԥыргон, имҩаԥырымгар адуцәа
ируӡомызт. Уи амҩаԥгара ахатәы ҟазшьақәа аман.
Изсодаз ахахәы. Ахахәы зсоз зегьы рыла деинааланы дыҟазар
акәын. Ихаҭа ихахәы еилассы ижәпаны, аԥшшәы бзианы, еилаарцыруа ихагылазар акәын. Зхахәы исо иахь уи ибзиарақәа зегьы ииасуеит ҳәа ргәы иаанагон.

Амҩаԥгашьа. Зны амаркатыл ала ихахәы ажәпара амырхуан. Амала, ахахәы амхра иалагаанӡа амагиатә мчы змоу аус
хкқәа ҟарҵон. Зымшәхәы (амшәхәы – ахәыҷы ициуа ахахәы ауп)
амырхуаз дыӡӷабзар, днаганы, ихәхәаӡа инашьҭу аҟабақ аракәа
дықәдыргылон, лхахәы кахәхәа иазҳап ҳәа. Лхахәы амырхуан уб­
ри аамҭа иақәыршәаны, уи «азҳара» аамҭа ҳәа иашьҭан. Ахахәы
амзхуагьы, зхахәы амихуагьы амрагыларахь рхы дырхар акәын.
«Ам­ра агылашьа ахахәы иазҳашьахааит!» ҳәа наҳәаны амшәхәы
амх­ра иналагон. Ихахәы иаԥхьаҟа ирыфхар рҭахызар, акалаҭ
дҭар­тәа­ны, ауаса ахәы ирҟәыдны ирымоу ааганы, икәыршаны
иҭар­ҵон, дылартәаны ихы амырхуан. Ҿыц ианаауа уаанӡа ишыҟаз
акәы­мкәа, дызлатәаз аласа еиԥш ихахәы қамфафылӡа иҟалоит ҳәа
агәра ргон.
Амшәхәы амзхыз уи аҽны инаркны ауа гәакьа иаҟара ҳаҭыр
иқәырҵо иалагон, арҭ аҩҭаацәарак «аиуара рыбжьалт» рҳәон.
Ахәыҷы ихахәы амзхыз уи амш аҽны инаркны «ҳаҷкәын имшәхәы
амзхыз» ҳәа ахьӡ бзиа ҷыдала ирҭон. «Амшәхәы амзхуаз» зхахәы
ҵирффоз ахәыҷы изы аҳамҭа ҷыда ааигон. Ахәыҷы иҭаацәарагьы
аҭынхацәа гәакьацәа, агәыла ааигәақәа адԥхьаланы «ихәы»
ҟарҵон, ашьтәа ршьуан, аҳамҭақәа ирҭон.
Иамырхыз «амшәхәы» карыжьӡомызт, ацахы цқьа илаҳәаны
ашәандыҟәара иҭаҵаны ирҵәахуан. Иӡыр, ма ирблыр ахәыҷы
иԥырхагоуп ҳәа иԥхьаӡан. Абжьыуаа рҿы амшәхәы ахаҳә хьанҭа
иаҵарҵон2. Амшәхәы аҵыс иагар, аҭра аначаԥо иаланаҵоит,
аҳәынаԥ иагар, еиҳарак аҳәынаԥ хәыҷқәа ран, уи аҭра арԥхарц
азы аҵа иаҵанаҵоит рҳәон. Аҵыси аҳәынаԥи рааигәа ахахәы
ыҟанаҵы, ахахәы зтәу «хыхь игхом» ҳәа иԥхьаӡоуп. Адыгақәагьы
абас рҳәоит: «Ахахәы анышә иаҭалатәуп, мамзар аҵарақәа иганы
рыҭрақәа аныҟарҵо иаларчаԥар ҟалоит, усҟан изтәу лассы-лассы ихы ихьлоит»3. «Аҩсҭаа енагь ахахәы дашьҭоуп, знык инапаҿы
иҟалар цыра заҵәык, иманы дыҩны дцоит. Уинахыс ахахәы аҳәара
цәгьахоит, еилахәо иалагоит, аҩсҭаа еилеихәеит рҳәоит, икыдҵо
иалагоит»4.
Ас ирҵәахыз ахыцәхәыц амчра дууп, иҟалараны иҟоу азы
адыррақәа еизнагоит ҳәа ишьаны, ацәажәара даналагалак иааганы идырбон. «Ари зтәыда?» ҳәа иазҵаауан. «Ажә иатәуп» иҳәар,

иаԥхьаҟа дыхьчаҩ бзиахоит рҳәон, мамзаргьы уа иааигәа иҟаз аӡәы
итәуп иҳәар, зыӡбахә иҳәаз иразҟы иара иахь ииасуеит, иразҟы
иразҟхоит ҳәа азгәарҭон5.
Анацәа рыӡӷабцәа рхахәы азҳара еснагь иацклаԥшуеит. Ах­
цәду змоу рыхцәы мчыбжьык ахьтә знык ирҿышуан, ҩбаны
иԥаны ирықәырҵон. Ахцәы зылаԥш цәгьоу ауаҩы илаԥш акуеит
ҳәа иршьон. Убри аҟнытә, ан лыԥҳа лыхцәы ԥаны данаалгалак,
ахцәаԥарақәа наҟ-ааҟ иаанкыланы, длаха-ҩахо абас лҳәон:
Соура уоураны,
Сыҭбаара уҭбаараны,
Мҷышь ашәа уҭашьшьы,
Амшын ацәқәырԥа еиԥш уеилышьқьраауа
уҟалааит!
Чшәшәуу, чшәшәуу, чшәшәуу!

Хынтә дыҭәҳәон. Ашьҭахь лытәӷәабжьара лнапы аабыжьшь­ны,
«абри лаԥш акыр ашәа, алаԥш ухьымсааит!»6 – лҳәон.
Аӡӷаб лыхцәы азҳара маџьанахар, акалаҭ днаганы дынҭадыр­
тәон. Ацаҵла ацәа ааганы наҟ-ааҟ илыварҵон. Урҭ рышьҭахь лхы
адалақь нықәкны ирсон. Уинахыс лхахәы еилассы иаауеит ҳәа
иԥхьаӡан.
Алитература
1. Чурсин Г.Ф. Материалы по этнографии Абхазии. Сухуми, 1956, с. 183.
2. Указ. раб., с. 76.
3. Кудаева З.Ж. Мифологическая модель адыгской словесной культуры.
Нальчик, 2008, с.76.
4. Илҳәамҭоуп Чкотуа З.Шь. Ианылҵеит Ц.С. Габниа. Џьырхәа ақ.
16.06.2014 ш. азы.
5. Смирнова Я.С. Абхазская женщина в дореволюционном прошлом и
в советскую эпоху. М., 1949, с.132.
6. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц.С. Габниа. Џьырхәа
ақ. 15. 06. 2014 ш. азы.

Амшра
Амшра1 – аҩны, агәара, аҭаацәара еиқәышәшәа, агәабзиара
рыманы, аҳәатәеиқәшәара ыҟаны, амал азгьы ихәыдамкәа,
иркуа-иршьҭуа рықәманшәалахо иҟазҵо амчра ҷыда ҳәа аԥсуаа
зхәаԥшуа ауп.
Аԥсуаа ихарҵон, иахьагьы ирҳәоит аҭаацәараҿы ауаҩы мшы
дрылиаар ҟалоит ҳәа. Уи иԥсы ҭанаҵы аҭаацәара акгьы рыгхаӡом.
Аха иара дрылҵны, хазы дырҿыҵны дцар, ма идунеи иԥсахыр,
усҟан дахьцо имшрагьы иццоит хәа иԥхьаӡоуп. Иҭаацәарагьы,
иҩнрагьы амшра рцәыӡуеит.
Дымшны дир ҟалоит аӡӷаб, иара убас арԥыс.
Аҭаацәара ауаҩымш дрылымиааргьы ҟалоит.
Амшра аҭаацәара ирзаанагар ҟалоит аласба лиаа, ма арахә лиаа.
Амшра зцу акәхар ҟалоит аҭаацәара рыуак, ма рҭынхак џьарантә
ирзааигаз аласба, аԥстәы, мамзаргьы аԥсаатә.
Аҭаацәараҿы амшра зыциз хаҭала дрыздырӡом, иара убас имшны ирыланагалазгьы. Аха уаанӡа ишыҟаз акәымкәа, аҭаца ҿыц
данааргалак еиҳа русқәа рықәманшәалахо, ирыцааиуа ианалагалак «аҭаца мшы дрықәшәеит» рҳәоит.
Аԥсуаа ирымоуп амшра иазку аҿаԥыцтә ҳәамҭақәа2. Руакы
излаҳәо ала, дыҟан аҳак. Аҳ диман ԥҳак. Уи аӡа лкыр иҩон, аҩа
лкыр иаӡахон. Зегьы лымпыҵышша ицон.
Ус ишыҟаз аҳ иаҳаит абри лҟазшьақәа змаз, анасыԥ зыцмааиуаз
рԥыск дыҟоуп ҳәа. Аҳ убри дыԥшааны иԥҳа дииҭеит.
Инхон арҭ цәгьаԥсышьа рыманы. Ҽнак амаҳә дцеит шәарыцара.
Дхынхәны дшааиуаз, амҩан ласба хәыҷык шаныршәлаз ибеит.
Иман аҩныҟа дааит. Аласба аҩны ианааига нахыс аҩнаҭа лашеит.
Ара аразҟы ҟалеит, аҵеи диит, амал дырҳаит. Ауаа уамашәа ирбо
рыбӷа еиҵырхит.
Абри аласба амшра зцыз акәзаарын, анасыԥ рзаанагеит ҿыц изланагалаз аҭаацәара.
Абхәа иаҳаит ари ажәабжь, аха ихаимҵеит. «Сыблала избароуп» иҳәан дырҭааит. Ҩыџьа зымшра ыҟамыз иреиԥшымызт иԥҳаи
имаҳәи. Урҭ еихачаԥа инхон, инҵон, рҵеи изҳауан.
Аҳ аҩни агәареи еимидеит, аха изеилымкааит арҭ амшра
ахьынтәааргаз. Ус ибла нақәшәеит агәара иҭаз ала ду. Иаразнак
идырт ала шакәыз амшра рзаазгаз.

Амаҳә иабхәа ихәы ҟаиҵеит агәылацәа адгаланы. Ацара даналага, аҵас ишатәыз ала, пату иқәиҵар иҭаххеит. Аҽы кәадырны
идигалт, аха абхәа мап икит. Амаҳәгьы диҟәаҵуам, ацәаӷәацә
иҳәит, анс иҳәит, арс иҳәит, аха зегьы мап рцәикуеит. Аҵыхәтәаны,
«иумуазар ула сыҭ» иҳәеит. Амаҳә ицәымыӷхеит, аха дыԥхашьан
мап изымкит. Ала рыманы иандәықәла, амшра агәараҿы иԥо иҭаз
асыс хәыҷы иазыннажьит.
Аҳ ила иманы дааит аҩны. Аха аҩны амшара ҳәа акгьы адло
имбеит. Имаҳә ишҟа дцеит ала аашьҭыхны иамаз амшра сзыԥ­
шаауазар ҳәа.
Агәара иԥо иҭаз аӡыс илаԥш нақәшәеит. Иаразнакы идырт
уи амшра иара ишамаз. Имаҳә дааиԥхьан, «абни аӡыс лкажьны
ишьы, акьатеи-матеиқәеи, ацәеи анышә ҵауланы ижны иаҭа ала
иамфаратәы. Акәац сара исыҭ, аҩныҟа изгоит», иҳәеит. Амаҳә
иҟаиҵагәышьоз, абхәа ишиҳәаз еиԥш дныҟәеит. Акәац ақәаб
инҭеиҵан, амца наҵеиҵеит. Убри аамҭазы, «шәнеи-шәнеи, ақәы­
лаҩцәа ҳамоуп» ҳәа абжьы геит. Амаҳәи абхәеи ар ааизырган еибашьра ицеит.
Амаҳә иҩнаҿы аҵеи изҳауан. Ахәыҷы аҵәыуара хҭеикит. Ижәуа
иҭаз акәац иахылаԥшуаз жьыхәҭак ааҭиган, ахәыҷы инаииркит.
Ахәыҷы акәац ифеит.
Аибашьра еилгеит. Абхәеи амаҳәи хынҳәны иааит. Абхәа акәац
жьахәҭа ду имҵоуп, аха амшра шамам ибоит. Ихәмаруа аҩны
иҩназ аҵеи иҿы акәын уажәы амшра ахьыҟаз.
Абхәа идырит ари амшра дара заҵәык ишыртәыз. Игәы иаа­
хәеит. Аҩныҟа дрыԥхьан иааигеит, ачара рзиуит.
Аԥсуаа арахә, ма аԥсаа аҭиразы ианырго, ма аӡәы ҳамҭас
ианирҭо хәыцк алхны аҩны иаанрыжьуеит. Ахәыц аналырхуа
хынтә абас рҳәоит: «Умшра аҩны иазынхааит!» ҳәа. Ирҭиуа арахә
иахоу аҷапырхәа аахыхны аҩныҟа иааргоит амшра тәымџьара имцарц азы.
Алитература
1. Чурсин Г.Ф. Материалы из этнографии Абхазии. Сухуми, 1956,
с. 245-247.
2. Иҳәамҭоуп Чкотуа Дикран. Ианылҵеит Ц. Габниа, Џьырхәа ақ.,
нанҳәамза 26.1994 ш. азы.

Амцеимдара
Амцеимдара – ажәытә аахыс аԥсуаа рыбжьара ахәышҭаарақәа
ҿымцәаарц азы имҩаԥыргоз, акыр зхыҵуа, қьабзуп.
Ахәышҭаарамца ҿыцәаар абзиара иатәым, аҩны-агәара ашә
акуеит ҳәа ирыԥхьаӡон аԥсуаа. Убри аҟнытә ахәышҭаараҿы амца
еиԥҟьар ҟаломызт, акәиц еснагь аԥсы ҭазар акәын.
Амца аиқәҵашьа, амца хыкқәа.
1. Ашьанҵамца
Иаҭаху. Ацәымса, аихымца, ашьанҵа, аџыр.
Ацәымсеи аихымцеи ашьанҵа илықәкны аџыр иахьдырсуан.
Ацәымса амца акуан. Амца акыраамҭа аԥсы ҭан. Убри амца ала
амца еиқәырҵон, амцажәла акразы агәыларагьы иршьҭуан.1 Уи
амца ашьанҵамца ахьӡын.
2. Амзамца2.
Иаҭаху: амзаҵла амахәқәа ҩба.
Амца еибадыркуан амзаҵла амахәқәа акыраамҭа еихьшьуа. Ус
еиқәырҵоз амца «Амзамца» ахьӡын. Хара ныҟәара ицоз, ашьха
арахә казцоз, ма шәарыцара ицоз еснагь амзаҵла амахәқәа иџьыба
иҭеиҵон.
3. Арасамца3.
Иаҭаху.
Араса амахәқәа акыраамҭа еихьшьуа-еихьшьуа мацара иршны
амца еибадыркуан. Ас еиқәырҵоз амца Арасамца ахьӡын.
4. Аԥсуаа адыд амацәыс зысыз аҵла амца анаклак, уи амца
аҿыганы ахәышҭаараҿы амца алеиқәырҵон. «Афы имца» зысыз
аҵла ашьапы иныҵакны иаахҵәаны, хара иганы ишьҭарҵон, амца
иақәырҵаӡомызт. Аха иакыз амца амца аҿыганы агара бзиоуп ҳәа
иԥхьаӡан.
Амца аԥсы аҭаҵашьа, аҿаҳәашьа.
Уахынла ианышьҭалоз, ихәыжжаӡа акәиц рацәа, аԥырӷқәа
ааизҳәҳәаны, ахәа ақәԥсо мацара иҭарҳәҳәон. Шаҟа ахәа рацәаны
иақәырԥсоз аҟара, амца анҵыра еиҳахон. Уи аритуал «амцаҿаҳәа­
ра» ахьӡын.
Амца иахылаԥшуаз.
Ахәышҭаараҿы амца ахылаԥшра идын аҭаацәа иреиҵбыз, ма
аҭаца.

Уи ашьыжь шаанӡа дҩагыланы, «иҿаҳәаз» амца «ааԥыртланы»,
акәицқәа ирықәыз ахәа аарықәхны, ихәыжжаӡа аҿы ааирԥшуан.
Хазы ишьҭаз «амца еиқәҵага», афархь ҩақәа нақәҵаны днаҭәҳәон.
Амца абырқьхәа иҩеибакуан.
Ахәышҭаара ахаҭа аԥсуаа ахӡыӡаауан. Иԥшьоу ҭыԥны иахәа­
ԥшуан. Ауаҩы дахьынхо дахыҵны даҽаџьара данцоз, имца аҿы­га­
ны, имырцәакәа, ҿыц инхарҭа ҭыԥ аҿы инаганы амца алеи­қәи­ҵон.
Рацхьаӡатәи амца иара «иҿаҳәаны» инеигаз акәиц ала еиқәиҵар
акәын. Ус иҟазҵоз «имцахә ыцәаӡом» ҳәа иԥ­хьаӡан. Амҩан ицәар,
абзиара иатәым, ԥеиԥш бзиа иадҳәалам ҳәа иа­хәаԥшуан.
19-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы аԥсуа жәлар Ҭырқәтәы­
лаҟа ахҵәара анрықәшәа, аӡәырҩы рхәышҭаарамцақәа ҭаҳәҳәаны
иргеит. Абас Ҵабалаа ахҵәара анрықәшәа (амхаџьырра аан),
Быг-ԥҳа Кәагәса лан амцажәла «ачуан иҭаҵаны» илгеит. Уи ала
еиқәылҵаз амца 50 шықәса имырцәаӡакәан илыман рҳәоит. Ахара
амца агара мариамызт.
Ҵабалаа раԥхьа Румыниа иагеит, уаантәи ихынҳәны Ҭырқәтәы­
ла иааит. Егьа џьа лбазаргьы, лымцажәла еиқәлырхеит. Лхаҭа 105
шықәса лхыҵит. Лыԥсы ахьынӡаҭаз Аԥснытәи илгаз амцажәла
мырӡӡакәа иаалгон.4
Амца еимыздоз, ианеимырдоз.
Амца еимырдон аигәылацәа, ҳаҭыр еиқәызҵоз ауаа. Еизыуаамыз амца еимырдомызт. «Зымшьҭа цәгьоу», «зылаԥш бааԥсу»,
«знапы бзиам» имца амца аҿыганы иргомызт, рымца амца аҿы­
ганы иҭарагьы рацәак еилаҳауамызт.5 Аха ирымҭар ада ԥсыхәа
аныҟамыз, иаҳҳәап, имца ыцәан, дара рҿы дааины хаҭала амца
данаҳәалак, амца зкыз акәысӷа ирҭон. Аха амшра уа инхаразы, убри акәысҭӷа ааршәшәаны, кәиц цырақәак алыршәшәаны,
ахәышҭаараҿы икарԥсон абас ҳәо: «Умшра ара иҟоуп, умшра ара
иҟоуп, умшра ара иҟоуп!», мамзаргьы «Ҳамцахә аҩны иҟоуп!
Ҳамцахә аҩны иҟоуп! Ҳамцахә аҩны иҟоуп!»6 хәа. Уинахыс амца
ирҭар ҟалон, имшьҭгьы шәарҭамызт, ихҽын. Амца аимдара зынӡа
иҟаломызт амшшьар мшқәа (амш ӷьарсқәа) раан.
Алитература
1. Аԥсуаа рфольклор. А.А. Аншба ианҵамҭақәа. Еиқәиршәеит, аԥхьа­
жәеи азгәаҭақәеи иҩит З.Џь. Џьапуа. Аҟәа, 1995, ад. 385 – 386.

2. Ахархәара рыҭоуп ажәабжьҳәаҩ Смыр-Габниа Арда лҿынтә ан­
ҵамҭақәа. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ., нанҳәамза 26.2001 ш. азы.
3. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
нанҳәамза 26. 2001 ш. азы.
4. Аргәын И.Гә. Дал. Ҵабал. Ажәытәи аҿатәи. Аҭоурых-етнологиатә
ҭҵаара. Аҟәа, 2011, ад. 118-119.
5. Иҳәамҭоуп Нанба Иура. Ианылҵеит Ц. Габниа. Бармышь ақ., мша­
ԥымза 10. 2007 ш. азы.
6. Илҳәамҭоуп Габниа Фируза. Ианылҵеит Ц. Габниа. Бармышь ақ.,
мша­ԥымза 10.2007 ш. азы.

АмқьаҳԤҵәара
Амқьаҳԥҵәара – аҭаца ҿыц дахьаанагаз амҽыша ауха аҿар ааизаны, аҭаца ари аҩнаҭаҿы лааныжьразы аилахәҳахәҭра аформа
зманы имҩаԥыргоз аритуал ауп.
Аритуал ажәлар рҿы хьӡыс иаман Амқьаҳԥҵәара. Имҩаԥыргон
аҭаца лымҳараҿы. Асабша аҭаца дааргон, амҽыша чаран. Амҽыша
ауха Амқьаҳ ԥырҵәон
Амҽыша ауха ачарауаа анеимплак, аҿар гәыԥҩык рҽааи­
баркны, аԥҳәыс даазгаз днарылаҵаны, амҳара ашҟа инеиуан.
Уа иҟан аҭаца, «аҭаца лҩыза», аҭаца «лҩыза лҩыза», ахаҵаҩыза.
Ахаҵаҩыза ҳәа Бзыԥын изышьҭоу, аҭаца хаҵа данцо вагылаҩыс
ишьҭылхуаз аҷкәын иакәын. Абжьыуаа рҿы уи амаҟара ҳәа
ишьҭоуп. Аҭыԥҳа хаҵаҩызас дышьҭылхыр ҟалоит лаб иашьа
иҷкәын, ланшьа иҷкәын, мамзаргьы лыешьара иатәу, дҿаны, аха
зынӡагьы дқәыԥшымкәа.
Амқьаҳԥҵәара адырҩаҽны акәын аҭацаҩызеи ахаҵаҩызеи
рыҩныҟақәа рахь ацара анрыхәҭаз. Амқьаҳԥҵәара ауха аҭаца
ахәыԥҳа (аешьа) длырҭон. Ахәыԥҳас илырҭоз даазгаз арԥыс
изааигәоу, иара иалихуа аҷкәын иакәын. Уинахыс урҭ еиҭынхацәан.
Ихаҭа (дҭаацәарамзар акәын) ԥҳәыс данааигоз лара еҳәшьак
леиԥш, ахьы мацәаз лыманы ачарахь дцон. Ахәыԥҳа амқьаҳбақьыл (амқьаҳ-мақьыла) ҳәа ишьҭан.
Амқьаҳԥҵәара акәын аӡӷаб аҭаацәара ҿыц аҿы лааныжьра азин
ҟазҵоз. Ахаҭа мҩаԥысуан атеатр аелементқәа аныԥшуа, қәгыла­рак
змоу апиеса еиԥшны.

Амҳараҿы иҟаз ҩ-гәыԥкны рҽеиҩыршон. Гәыԥк аҿы иҟан аҭаца
даазгаз арԥыс иҩызцәа, егьи агәыԥ аҿы аҭаца илыцыз аҩызцәа, аха
дара еиҳа хыԥхьаӡарала имаҷын аҟнытә актәи агәыԥ аҿынтә уахь
ԥыҭҩык ииаргон. «Аилахәҳахәҭра» аритуал аадыртуан аҭаца даазгаз, аха уажәы урҭ инарыгӡон хәҳахәҭра ҳәа иааиз рроль. Аамҭала
аԥшәымара руан «асасцәа» – аҭаца лган иатәу. Аҭаца даазгаз арԥыс
иган аҟнытә аӡәы абас дналагон:
– Уара, ҭитәык умоуп ҳәа саҳаит!
– Ааи, алмас сҭиуеит, – иҳәон аҭаца лганахьтә аӡәы (ахаҵаҩыза)1.
Ахә еилыркаауан. Хәышә мааҭ рыла иалагон. Аҭитә иашьҭала­
ны иаазшәа ҟазҵо «ашьхақәа», «амшынқәа», «аӡиасқәа» ирхысны,
аџьа ду баны, «ахьҭакра», «амлакра», «аџьабаа рацәа» рыхганы,
реи­­­маақәа рыҵхааны харантәы ишааз атәы рҳәон.
Инеимда-ааимдо ицәажәон, нас иаартны изышьҭоу лара шлакәу
атәгьы рҳәон.
Лара рацәак ддырҽхәаӡомызт, «аус злоу уаҩы длыцәшәартә,
зынӡа лыԥшра цәгьаны дыҟамзар, бысҭак ҭамырҩакәа икнылхратә
дыҟазар, аҵәца камыжькәа аӡы уаҩы илыржәыртә дыҟазар!» ауп
рҳәон.
Иара иган иатәу ракәзаргьы еиӷьны ицәажәаӡомызт, аха ир­
ҳәоз ажәақәа џьара жәа ҟәандақәакгьы, рацәак имырхаацәакәа,
иналарԥсон. «Махак аҟара шәыҟам шәарҭгьы, аха згәы цқьоу,
згәы хәаԥсам уаазар ҟалап», – иҳәон аҭаца лганахь ала ицәажәоз.
Абас акыр еибарџьон, нас еибарҽхәон. Уажәы-уажәы излеилаӡаша
ахәԥса ааргәаладыршәон. Хәышәи акы ҳәа иалагаз шәи акы аҿы
иааибагон, уа иаангылон, еилаӡон уи «ахәԥсаҿы».
Абри «аилахәҳахәҭра» шцо акәымкәа аӡәы дцыркьыԥо, изшьапык имыхәо дааҩналон. «Ари адгьыл аҿы иқәынхо ауааи ажәҩан
аҿы инхо ауааи анеибашьуаз хыс дрыман, раԥхьа дгыланы дшеибашьуаз ишьапы ԥырҵәеит»2, рҳәон иара дзыдгылоз.
Уи атекстқәа рҿы цқьа еилкаам иарбан гану дызтәу. Аха ахә­
марраҿы аԥшәымара зуаз аҭаца лган иатәыз зларакәыз ала, ҿыц иааиуа, ауашәшәырра змоу, «асасцәа» ирыцыҩнамлаз, аԥхьа­натәгьы
рганахь иҟамыз, аҭаца лҩызцәа дыртәхап уҳәаратәы иҟоуп.
Ахәԥсаҿы ианеинаалалак алафҳәара, абызцәгьала акырӡа иаартыз аицәажәарахь ииасуан. Аинформант3 излеиҳәаз ала, ҿыц

аԥсҭазаара еилазҵаз реизааигәатәра, еицәыԥхамшьо рыҟаҵара
акәын уи иаҩызоу алаф «бааԥсқәа» зырҳәоз.
Дара еимпуан аҵх акыр иганы. Уа иаангылон аҭаца илыцыз
лҭацаҩызцәа аҩыџьегьы. Анаашалак, «изцыз аҩныҟа ахынҳәра
шлықәымшәоз» агәра аныргалак рыҩныҟақәа рахь ихынҳәуан
ргәы рҭынчны.
Алитература
1. Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. Еиқәиршәеит, аԥхьажәеи азгәа­
ҭақәеи иҩит Ш.Хь. Салаҟаиа. Аҟәа – Қарҭ, 1975, ад. 339- 340.
2. Зыхәба С.Л. Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. Еиҳау аҵараиурҭақәа
рзы арҵага шәҟәы. Аҟәа, 1981.
3. Иҳәамҭоуп Габниа Н. С. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ., 2014 ш.
азы.

Амшшьара
Амшшьара – ижәытәу аԥсуа ҵасқәа ируакуп. Ажәа ахаҭа еилоу
ажәоуп. Ишьақәгылоуп ажәақәа ҩба рышьҭақәа реилаларала –
амш+ашьара. Ажәа «ашьара» амагиатә функциа нанагӡоит. Аҵакы
иуанаҳәо амш иԥшьоу акы акәны адкылара, аԥхьаӡара ауп.
«Аԥсуа жәлақәа ирыман, ирымоуп амшшьарақәа. Мчыбжьык
ахьтә ҩымш «ишьатәу» мышқәаны иалырхуеит1. Н. Џьанашьиа урҭ
амшқәа «иԥшьоу мшқәаны» аԥсуаа ахәаԥшуеит ҳәа иԥхьаӡон2.
«Амшшьара» аԥсуаа иахьагьы ирымоуп. Амала амш ашьара
уаан­ӡа иамаз аԥҟарақәа еиҳа имаҷхеит, аҽыԥсахрақәа алагалахеит.
Џьгьарда инхо Ашәаа амшшьара азгәарҭон ашәахьи аҩашеи.
Арҭ амшқәа рзы ахацәа ракәын усура иҭыҵуаз, аҳәса аҩны
итәан, иӡахӡомызт, иԥомызт, иқәҵомызт. Аҩны ак дәылганы
ирҭиуамызт, аԥараԥсахра аӡәгьы ирҭомызт. «Ирҭиз арахә ԥсуеит,
ма ичмазаҩхоит, мамзаргьы ақәыџьма иафоит», изҭииз ацәыӡ иоуеит, иаазхәаз ихаҳаӡом ҳәа ирыԥхьаӡон3.
Шармаҭ ажәла иатәу зегьы ашәахьа мышшьараны ирымоуп. Аҳәса агәара ак ҭыганы ирҭиӡом, аус руӡом. Амш инатәааатәо ирхаргоит, рыԥсы ршьоит. Уи аҽны аҩны аус рур Анцәа
игәаԥхом ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ашәахьа ирымшшьараны изыҟалаз
атәы зҳәо амифтә жәабыжьгьы рымоуп. «Ажәытәан зны Шармаҭаа

ирыжәлантәыз аӡәы шәахьак аҽны аҽы иҭиит. Амш бзиан, амра
каҷҷа иԥхон. Иаалырҟьаны идыдит, амацәыс ажәҩан ааимнар­
ҟьеит, ԥҭа еиқәаҵәак ажәҩан аҟнытә илалбаан, адәаны итәаны
зыжәцәеимаақәа зӡахуаз Ашармаҭ ҭыԥҳа даашьҭыхны ажәҩан ахь
дагеит. Илӡахуаз ажәцәеимаа лара ишылкыз ажәҩан ахь дхаргалт,
лшьамхы иқәыз аимаа ҵаҟа икаҳаит. Убри амш Шармаҭаа «ҳара
иҳамшшьароуп» ҳәа иалкааны иқәныҟәо иалагеит4.
Габниаа амшшьарақәа ҩба рымоуп – ашәахьа, аҩаша. Зегьы
реиҳа изеиҷаҳатәу мшны ирыԥхьаӡоит ашәахьа. Уи аҽны аҽы­
кәабара, аӡахра, ахыҽҽра, ахҳәара ҟалаӡом. Аԥсра ахьыҟалаз
инеи­ны иҵәыуар ҟалаӡом, алаӷырӡ ларышьҭӡом. Рыжәлантәык
дыԥсыргьы уи аҽны амыткәма ҳәо иҵәыуаӡом, адгьыл рыжӡом,
аԥсы анышә дарҭаӡом. Аҩаша аԥшәма ԥҳәыс лымшшьара ауп ҳәа
иахәаԥшуеит.
Габниаа зегьы ашәахьы «иԥшьоу мшуп, Анцәа данаҳҭаз ауп»
ҳәа иршьоит. «Габниаа рныҳәара» мҩаԥыргоит ашәахьа аҽны.
Иара убри аныҳәара зыхҟьаз аҿы ауп амш ашьара ахыҵхырҭагьы
ахьыҟоу. «Ажәытәан зны, Габниа ҭыԥҳак дындәылҵит. Уаҳа аӡә­
гьы лыхабар имбеит. Дахьынатәаз аҭыԥ аҿы ашьац хыбланы иҟан.
Лара цәгьа дыԥшӡан. Анцәа дигәаԥхан иара иахь дигеит, рҳәеит».
Убри амш Габниаа зегьы рзы иԥшьоу мшхеит. Есышықәса шәа­­хьак
аҽны зегьы еилахәны аныҳәара мҩаԥырго иалагеит, иахьа «Габниаа рныҳәара» ахьӡуп. Ахацәа хазы имҩаԥыргоит, аҳәса хазы.
Аҩашагьы ирымшшьароуп, аха уи аԥшәма ԥҳәыс лыжәла иатәу
мышшьароуп. Лара лоуп изшьо5.
Кәыҵниаа «ҳамшшьара» ҳәа амҽыша рыԥхьаӡоит. Уи амш
аҽны аҵла ихәнаӡом, аҩны рыԥссаӡомызт, агәам дәылганы ика­
рыжьӡомызт, акгьы аархәомызт, акгьы рҭиуамызт6.
Џьгьарда ақыҭан инхо Багаԥшьаа мышшьарас ирымоу сабшоуп.
Асабша аҽны аҳаҟьа акгьы ықәҵаны ирхӡомызт, аԥстәы, аԥсаатә
ахәда хырҵәаӡомызт. Асабша ирымшшьароуп Лыхны ақыҭа инхо
Шьаҟрылаагьы. Аҳәса сабшала иӡахӡом, ахацәа рԥаҵа рсаӡом,
рыхцәы ҵдырффаӡом.
Ажәлақәа зегьы ирымоуп рхатәы мышшьарақәа. Урҭ зыхҟьаз
ҳәа ирҳәо еиҳарак «Анцәа иҭаарақәа» роуп. Иара убас акәыр­
банқәҵарақәа ианрыдҳәалоугьы ыҟоуп. Ҭаацәарак аҿы аӡә дыч­
мазаҩхар дангыло амш мышшьарас ишышьҭысхуа ҳәа ан акәыр­

бан лықәылҵон, уи амш дара рзы иԥшьоу, ран илҳәаз Анцәа дана­
хаҵгылаз амш акәны иршьон.
Амшшьарақәа, жәлала адагьы, ус хықәкыла ауаҩы, ма арахә
ианрыдҳәалазгьы ыҟан. Ауаҩы даниз амш ишьалар акәын, иара
убас ирахә аниз амшгьы. Анцәа игәаԥхарала уи аҽны аира ҟалеит
ҳәа иԥхьаӡан.
Амшшьарақәа абзанхарагьы иадҳәалан. Маи мза азбжа инаркны иун азбжанӡа «ашьхымза гылара» иатәуп, ашьхымза ҿиоит,
еиҿыҵуеит, ашьхагәара ҿыцқәа ҟалоит ҳәа иԥхьаӡан. Зышьхымза
гылаз аҭаацәара иангылаз амш ршьон: усура иҭыҵӡомызт, аҩны
акы ҩныганы аӡәгьы ирҭаӡомызт, аԥара, амал дәылыргаӡомызт,
ашыла ԥсахра ҳәа аӡәгьы ирҭаӡомызт.
Ашәахьа ахьшьцәа ирымшшьароуп. Уи аҽны шәарыцара ҳәа
аԥсҭа иҭалаӡом. Аҩаша «цыӷҳара» ицаӡомызт. Ацәҟьақәа ҳаны
игылаз ацыӷ аҿашәаргьы иалакысӡомызт, иаҿыргаӡомызт. Уи амш
аҽны «Ажәеиԥшьаа ирахә рыԥсы ршьоит» ҳәа иԥхьаӡоуп. Аҩаша
«адгьылчча» ҳәа адгьыл рныҳәон.
Ақыҭа анхамҩаҿгьы иҟан амшшьарақәа. Ахьшьцәа ашәахьи
аԥшьаши мышшьарас ирыман. Арҭ амшқәа рзы аҩны акгьы
дәылганы аӡәгьы ирҭаӡомызт. Аҳәыс ҿа зриз ажә ахш мчыбжьык
иршны иржәуан, аха ашә хырхуамызт. Иааиуаз ахәаша «ахшқашь»
ҟаҵаны ажә «аныхашьҭра иқәыргон» иныҳәаны. Уинахыс ахш
ацыр аҭаны ахыхра азин рыман. Ахш хыҵны амца иақәҭәар –
гәнаҳароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит аԥсуаа, аха аҳәыс аниз амш инаркны
мчыбжьык, иааиуа ахәашынӡа ахш ахәа илаҭәар еиҳагьы агәнаҳа
иацу дууп ҳәа ирыԥхьаӡон.
Амшшьара аритуал аҽыԥсахрақәа аныԥшуеит. Аҵыхәтәантәи
аамҭазы андуцәа, анацәа рыхшара «аусқәа руеит, амшшьара
рцәыуадаҩхеит» ҳәа рхахьы ирго иалагеит.
«Схәыҷқәа ашколқәа ирҭоуп, аҵара рҵоит. Зны иӡахыруп,
зны рхы рыҽҽыроуп. Амшшьарақәа рцәеилаго иалагеит. Уи
агәнаҳа рхыхразы сара схахьы изгеит»7 зҳәо анацәа рхыԥхьаӡара
иазҳауеит.
Еиҳа иахылаԥшуеит аԥсыжра. Ажәлақәа рымшшьарақәа рзы
иахьагьы анышә рыжӡом. Амшшьара адырҩаҽны акәзар аԥсыжра,
ҩымш шыбжьоу анышә жны иаанрыжьуеит.
Амшшьарақәа рыман аԥсуа жәлақәа зегьы, ашьашьақәа рҿы

иуԥылоит аивыгарақәа. Амшшьара аилагара ҟаломызт, еилазгаз
«амчра ду» дахьдырхәуан, инырратәы «рхы идырдыруан».
Амала идырны еилазгаз иакәын иахьдырхәуаз, аӡәы ихашҭны,
изымдыркуа ицәеилагар, уи даҭарҵомызт. «Сгаӡара ауп изыхҟьаз»
ҳәа аҭамзаара шьҭеиҵон, дныҳәон8.
Алитература
1. Чурсин Г.Ф. Материалы по этнографии Абхазии. Сухуми, 1956, с. 119.
2. Джанашиа Н.С. Абхазский культ и быт. С. 201.
3. Чурсин Г. Ф. Указанная работа, с. 120.
4. Там же, с. 120.
5. Иҳәамҭоуп Габниа С. К. Ианылҵеит Ц. С. Габниа. Џьырхәа ақ., ажьыр­
ныҳәа 15, 1989 ш. азы.
6. Чурсин Г.Ф. Указ. работа, с. 121.
7. Илҳәамҭоуп Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ., ажьыр­
ныҳәа 15, 1989 ш. азы.
8. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхә. ақ.,
ажьырныҳәа 15, 1989 ш. азы.

Нырцәы// Нарцәы// Аҵабыргҳәарҭа
Нарцәы (Нырцәы) – ауаҩы данԥслак, иԥсы ицәеи-ижьи, ибаҩи ааныжьны иахьцо, наунагӡа аԥсҭазаара ахьымҩаԥысуа ҭыԥуп.
Аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы Нарцәы шьҭоуп аӡнырцә. Аԥсы
уа инеирц азы иқәсроуп ацҳа. Уи ацҳа аԥсуаа Нарцәы-цҳа ҳәа
иашьҭоуп. Аӡы адунеиқәа рыбжьара иҟоуп, уи аӡы имыркәа
Аԥсы Нарцәы изнеиӡом. Иху ацҳа арахәыц еиԥш ипоуп. Иҟоуп
авариантқәа. Атекстқәа рҿы уи зны ибыцаҵәны («ибыцаҵәны
инықәылт», «быцаҵәык хыуп»), зны «ицҳаҵәруп», зны «арахәыц
аҟара ипоуп». Ацҳа иқәсыз Џьанаҭ днеиуеит, иалыҩрыз ҵаҟа,
џьаҳаным дҭаҳауеит.
Имариаӡам Нарцәы-цҳа ақәсра. Арахәыц еиԥш ипоуп, и­бы­
цаҵәны ианхугьы итартаруеит. Ақәсра иҵегьы иаруадаҩуеит
иқәсраны иҟоу ицәԥсхьоу ицгәы. Уи иаԥхьа иаацәырҟьаны ацҳа
ашша ақәшьра иалагоит, дықәҵәрааны џьаҳанымҟа дҭаҳарц азы.
Аха иԥсхьоу ила аакылҟьаны, ацгәы ршәаны иқәнацоит, абыз
нықәшьуа ацҳа ашша ықәнахуеит. Аԥсгьы наҟ инықәсуеит.

Аԥсуаа шхәыцуа, рмифологиа, ртеологиа излаҳәо ала, уа «ҵа
ҳәарҭоуп», мцы ыҟаӡам. Анеира азин змоу гәнаҳара змам роуп.
Урҭгьы дасу иҟарҵахьоу азалымдарақәа инарықәыршәаны ахә­
шьара рырҭоит. Ахәшьара иаҿырԥшны ақәҵа роуеит.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Амифи аритуали - 07
  • Büleklär
  • Амифи аритуали - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3580
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3614
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2145
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3642
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2095
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3614
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3626
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3670
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3629
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2152
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3610
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2027
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3551
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2028
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3600
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2178
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3603
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2191
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3565
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2164
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3578
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3672
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3649
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2372
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3599
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2081
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3028
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1914
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.