LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Амифи аритуали - 05
Süzlärneñ gomumi sanı 3626
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
«Аҟанҷ хәыцқәа Аҩсҭаа днеины дрылатәоит, Анцәа сҽицәызӡоит
ҳәа. Убри азы ауп Аҟанҷ Анцәа адыд-мацәыс зрыжәиҵо» рҳәон
ажәытәуаа. Иҟоуп жәлақәак зынӡа рааӡара азин змам. Урҭ ҷыдала
Анцәа дырхылаԥшуеит, ирааӡоу ирмааӡоу гәеиҭоит. Абас иҟоу
жәланы иалыркаауеит Цкәуаа. «Амш кахха ишыҟоу акәымкәа,
Цкәуак Аҟанҷ ахьырааӡо дныҩналар, амш ааихәласны, адыд-ма
цәыс ҟалоит»2 ҳәагьы азырԥхьаӡоит.
Алитератуа
1. Чурсин Г.Ф. Материалы из этнографии Абхазии. Сухуми, 1956, с. 100 – 101.
2. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
хәажәкыра 10. 1986 ш. азы.
Аҟаҭәара
Аҟаҭәара. Ааԥын ааира иадҳәалоуп. Аԥсуаа рҿы иҟоуп уара
рықәҿуҭаанӡа дара уқәҿырҭыр умшра ргоит ҳәа изхәаԥшуа
аԥстәқәа, аԥсаатәқәа. Урҟаҭәар ҟалоит зылаԥш цәгьоу ауаа, ма
зымшьҭа цәгьоу.
Еиҳарак уи здырҳәало: акәукәу, ашьхарҟәырҭ, аҟармаҵыс, ажьа,
аҽы роуп. Зегьы реиҳа ибааԥсуп ҳәа иԥхьаӡоуп ашьхарҟәырҭ.
Ас еиԥш иҟоу азхаҵара аԥсуаа ишрымаз атәы иҩхьан аҵарауаҩ
Н.С. Џьанашьиа. Аԥсуаа арыцҳара ду иатәуп ҳәа ирыԥхьаӡон
ааԥын, ҿаҵак ымфаӡакәа ушыҟоу, «ҿмырҵысы» акәукәу абжьы, ма
аҟармаҵыс абжьы улымҳа иҭасыр. Убри азы акәын изырҳәоз «уҿы
акы нҭамыршәкәа, адәахьы ацара ҟалаӡом» ҳәа.
Акәукәу. Акәукәу уамҟаҭәарц азы, иааиз аԥхын азы абжьы
гаанӡа ахарҵәеиҵаркәакәа уфар акәын. Ааԥын азы знык иадамхаргьы ахарҵәеиҵарҟәаҟәа ыфаны уҟазар, акәукәу уқәҿнаҭыргьы
ишәарҭамызт, «уара иуҟаҭәеит» ҳәа азырԥхьаӡон. Ахырҵәы ыфаны иҟаз акәукәу абжьы раԥхьаӡа ианиаҳалак, «са усҟаҭәеит, са ус
ҟаҭәеит»2 ҳәа ибжьы ақәиргон.
Акәукәу ҿнаҭаанӡа, еиҭагьы, ак лаҵаны иумазар акәын, мамзар
уи уаҟаҭәоит рҳәон. Уи инамаданы, ашықәсан зегьы уура хаҳара
ацлаӡом рҳәон.
Егьырҭ аҵарақәа. Егьырҭ рзы ихадараӡамызт ахырҵәы афара. «Уҿы мырҵысӡакәа адәылҵра» акәын иҟамлоз. Ашьыжь аҩны
уандәылҵуа уаҳа уҿы иҭоуҟаҟаша акгьы уԥыхьамшәаргьы, џьык
хыш цырак ухаԥыц ибжьоукыр акәын, уи зегьы реиҳа амч аман.
Ашьхарҟәырҭ. Ашьыжь акрымфаӡакәа ушыҟоу ашьхарҟәырҭ
абжьы уаҳар, ашықәсан уаарыхра бааԥсхон.
Аҟармаҵыс. Аҟармаҵыс иаҟаҭәаз ашықәс зегьы иԥынҵа еихаччы дыҟазаауеит.
Ажәҵыс. Аааԥын, ахарҵәы зныкгьы иумфаӡакәа ушыҟоу,
ашьыжь уҩны ахыбра ажәҵыс ныҵԥраар, ахырҵәы угхоит, ахшхырҵәы уцәмаҷхоит ҳәа иԥхьаӡан.
Ажьеи, аҽи ауаҩы дырҟаҭәар, имчра ргар рылшоит ашықәс зегьы азы.
Убри аҟнытә ауаҩы, ахәыҷы, аду ҳәа еилых ҟамҵакәа, есыҽны
аҩны акрыфаны идәылҵуазар ауп. Зымгәа ҭацәны идәылҵыз
иҟаҭәара, имшра агара мариоуп.
Аӡыс. Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амш азы аӡыс уқәҟаар, ашықәс
зегьы агәхашҭра умазаауеит, ацәажәара угәаԥхо, ҿеихак умамкәа
уҟалоит2. Убри азы иуқәҟаанӡа, улаԥш надырхаланы абас уҳәар
ауп: «Са усҟаҭәеит, са усҟаҭәеит, са усҟаҭәеит» хәа хынтә улаԥш
ишааҵашәалакҵәҟьа.
Акрымфаӡакәа идәылҵны инеиуа аҳәыс, ма ажә иқәҟаар, уи
аҽны дҟаҭәоуп, иусқәа еилаԥаҭоит, дхынҳәыр еиӷьуп рҳәоит.
Алитература
1. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1960.
2. Гулиа Д.И. Собрание сочинений. Том шестой. Сухуми, 1980, с. 164
3. Чурсин Г.Ф. Материалы по этнографии Абхазии. Сухуми, 1956,
с. 112-113.
Алаҳа
Алаҳа – ари аԥсуаа адунеи еиқәырханы иаазго (Анцәа – Ц.Г.)
«иан Хьыцлыш Лаҳаш» еиҭалҳаз ауп ҳәа ирыԥхьаӡо ҵлоуп. Уи лашьа (Анцәа ианшьа – Ц.Г.) Патырџьан ихьӡуп. Апатырџьан лаҳа
жәла хкуп.
Алаҳа иԥшьоу ҵлоуп, «уанԥслак Џьанаҭ унанагоит». Алаҳа
«Ԥааимбараа ирхыԥхьаӡалоуп, иагьыҩеиҳауп». Ԥааимбар шәыруп,
абыӷъқәа рыршра, адәахьы анҭыҵраан аҽаларыцқьара ҟалаӡом.
Иҟоуп Алаҳа шәырны ҟалашьас иаиуз атәы зҳәо амиф: «Ҽнак
Ԥааимбарк ҵлак ашьашәыраҿы дтәан. Дыштәаз ашәыр деилаҳаит.
Уаанӡа шәыр ыҟамызт. Адоуҳа ҟаиҵеит дызҵатәаз аҵла ашәыр
ҿаларц азы. Уи аҵла алаҳа ҿалеит»1.
Алаҳа амахә амца иақәуцар ихәарҭам, уарчмазаҩуеит ҳәа
иԥхьаӡоуп.
Алаҳа амҵан угыланы ушәиир, Аԥааимбар игәы иаҭахым рҳәоит.
Ус егьа иҟазаргьы ушәир, ушәи иаразнак иҟалоит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Алаҳа рхы иахьадырхәо. Ашә ахыхразы рхы иадырхәо ацыр
анеиҵарҵо алаҳа амахә ала еилдырхыр акәын. Усҟан ацырӡы бзиахоит ҳәа агәра ргон. Ацыр анеиҵарҵалак ацырӡы џьбарахарц азы
«аӡахәа амахәи алаҳа амахәи ԥыҵәҵәаны аиҵаҵа иаларԥсон»2.
«Алаҳа хәшәуп», – рҳәоит аԥсуаа.
Абӷьы ршны аимҳәа зыхьыз идыржәуан иӷьцәа ҭнагоит ҳәа.
Алаҳа иалху аварениа аимҳәаршәаа (коклиуш) зыхьыз иҿарҵон,
аӡыршы аҿы еилырхны идыржәуан игәи-игәаҵәеи арыцқьоит ҳәа.
Алаҳа зцәеи зжьи аиод ззымхо ифалар, аҭыԥаҿы инеиуеит.
Ихәда ачра иаҿызар иартәоит рҳәоит иахьагьы.
Алитература
1. Илҳәамҭоуп Барцыц Наала. Ианылҵеит Ц. Габниа. Аԥсуаҭҵааратә
институт ахыбраҿы. Аҟәа, ажьырныҳәа 18, 2015 ш. азы.
2. Илҳәамҭоуп Џьапуа Шьазина. Ианылҵеит Ц. Габниа. Аԥсуаҭҵааратә

АлаԤш
Алаԥш – аԥсуаа изларԥхьаӡо ала, аблақәа ирхылҵуа амчра
бааԥсы ауп. Аԥсуа бызшәаҿы алаԥш алшара азгәаҭоуп абарҭ
афразеологизмқәа рыла: Алаԥш дакит. Алаԥш иаахеит // Алаԥш
иқәшәеит. Алаԥш змоу «Алаԥш цәгьақәа» ҳәа ирышьҭоуп.
Алаԥш змоу ауаа – аԥҳәыс, ахаҵа, ан, ахәыҷы, хәы змам Аԥсцәа,
Аԥсы, ачымазарақәа рынцәахәқәа; арахә рҿынтә аԥсуаа алаԥш
цәгьоуп ҳәа иалыркаауеит Аҽы.
Алаԥш иакыр ҟалоит ауаа, арахә, аҳәыс зҵоу ажә, аҵиаақәа,
ашәҭқәа, аарыхра. Иара иахҟьаны аҵиаақәа ахыӡӡаар алшоит,
мамзаргьы иԥхасҭахар; арахә зеиҭамҵуа, ашьамхы каԥсоит, ажә
ахш аҽаӡоит, иԥсыргьы ҟалоит; аҵиаақәа шәҭны изгылоу иҩоит;
аарыхра азҳара иаҟәыҵуеит, аџьықәреи ахҳәаҵә ылганы ишгылоу
иҿамлаӡакәа ихбаалоит.
Зегьы раасҭа лылаԥш цәгьоуп ҳәа дыԥхьаӡоуп ҿыц ииз ахәыҷы
иан. Аинформантцәа изларҳәо ала, ан илымоу абзиабара ду
иахҟьаны лылаԥш лхәыҷы дакыр ҟалоит. Џьарантәи, иааԥсаны,
аҩны иааиз ан лыԥхӡы лылабаанӡа асаби иахь днеиӡомызт, ахәыҷы
иԥырхагахоит ҳәа иԥхьаӡаны. Ан лхаҭа усҟан «зегьы раасҭа алаԥш
зхьыԥшуа лакәны дҟалоит». Лара илхьыԥшыз алаԥш лхәыҷы ишҟа
ииасуеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥсуаа ахәыҷы шаҟа бзиа дубо атәы убжьы ҭыганы аҳәара шәарҭоуп, амчра бааԥсқәа убжьы раҳар ҽеи
ҟарҵаӡом ҳәа азырԥхьаӡон.
Аԥсы илаԥш иҵашәо, изаахо еиҳараӡак ахәыҷқәеи зцәазтәым
аҳәсақәеи роуп. Аԥсуаа урҭ Аԥсылаԥш рацәыхьчашьагьы рдыруан. Ахәыҷқәа анышәынҭрақәа рааигәара инарышьҭӡомызт
амра аҭашәамҭазы. Амра аҭашәамҭа Аԥсцәа рҿыхара иаамҭоуп
ҳәа рыԥхьаӡоит аԥсуаа. Хәы змам, хәы змоуз, зыԥсхәы рымуз
Аԥсцәа роуп еиҳараӡак зылаԥш цәгьоу. Ҿыц аԥсра ахьыҟалаз
аҭаацәарагьы алаԥш раахар ҟалоит. Аԥсы зегь раасҭа бзиа иибоз ауаҩы дахьцо дигар иҭаххоит, убри аҟнытә уи илаԥш дакуеит. Иԥсыз, ианаамҭоу зымҩа иқәрымҵаз, ауаҩы иԥсгьы алаԥш
бааԥсхоит. Уи аҩны изыҩнымҵуа, игәамҵуа ианыҩнахалак
алаԥш аӡәы ихьысуеит.
Аԥсуа традициатә культураҿы аблақәа ирхылҵуа амчра бааԥ
сы аныкшо, урҭ аӡәы, ма акы иадхаланы ианахәаԥшуа ауп ҳәа
иԥхьаӡоуп, иара убас иибаз шыбзиоу атәы ибжьы ныҭганы, агәы
аҵаҵаны ианиҳәогьы.
Аҳәса реиԥш ахацәагьы рылаԥш бааԥсхар ҟалоит, аха аинфор
мантцәа рхаҭагьы изларҳәо ала аҳәса ахацәа раасҭа рылаԥш бааԥсуп.
Аԥсуаа изларыԥхьаӡо ала, Алаԥшцәгьа ихаҭа илаԥш зеиԥшроу
анизымдыруагьы ыҟоуп. Уи иара игәаҳәара иадҳәалаӡам, ԥсабарала
«ицәа иалоуп» ауп. Алаԥшцәгьақәа реилазаараҿы иҟоуп аӡәгьы
иԥырхагамхарц азы ирылшо зегьы ҟазҵо. Ус иҟоу еиҳарак ахацәа
роуп. Урҭ ирҵәахӡом рылаԥшцәгьара атәы, асаби дахьыҟоу аҩнаҭа
ианнанага, «агара ақәыршә ахашәыршә» рҳәоит, мамзаргьы агара
даҽа уадак ахь ииаргарц ирыҳәоит.
Аԥсуаа рыбзазараҿы илаԥш цәгьоуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аблагәыӷ
ра, ауаҩаԥшь; зыблақәа злакыҵа иҵагыланы иҟоу; аҵәымӷ еиԥш
зылаԥш улало; зыԥсы цәгьоу, зызхара ҟамло ауаҩы. Аԥсуа фыр
хаҵаратә епос «Абрыскьыл» афырхаҵа хада рылаԥш цәгьоуп, ауаа
ирԥырхагоуп ҳәа ишьуан ауаҩаԥшьи аблагәыӷрақәеи.
Алаԥшцәгьа «алаԥшхьанҭа» ҳәагьы иашьҭоуп. Алаԥшцәгьа
илаԥш бааԥсуп, изаахаз дычмазаҩхоит. Аха аԥсуаа далыркаауеит
«Алаԥшџьбара» ҳәа даҽаӡәгьы. Уи илаԥш аӡәгьы иаахаӡом, аӡәгьы
иԥырхагаӡам. Дара рхыԥхьаӡара акыр имаҷуп, аха иҟоуп. Ажәлар
рҿы ҳаҭыр рықәуп, уамашәа ибо рылшарақәа ирылацәажәоит.
«Лаԥшыла амаҭ абна илганы иаазго» ҳәагьы ирышьҭоуп. Амаҭ
абна илганы, раԥхьа иааганы, иҟатмышьӡа ишьҭарҵон. Ишьҭтәуп
аныргәахәлак иаурышьҭуан.
Аԥсуаа ҷыдала иалыркаауеит Алаԥш змоу ҳәа абарҭ ауаа:
Алаԥшцәгьа змоу – Алаԥшцәгьа; Алаԥшцәгьа змоу – Алаԥшцәгьа
бааԥсы; Алаԥшџьбара, аха зылаԥш цәгьам; Алаԥшцәгьа шимоу здыруа, ԥхасҭа ауаа ирзыҟаимҵарц азы зхы иахылаԥшуа;
Алаԥшцәгьа шимоу здыруа, аха уи хьаас измам.
Алаԥш лаахар ҟалоит Аҭәҳәаҩгьы. Алаԥшӷьы заахаз даниҭәҳәо
Алаԥш лара лахь ииасыр ҟалоит.
Алаԥшӷьы заахаз аҿырҳасра хҭеикуеит, илаӷырӡ аауеит, ахьҭа
дакызшәа ақыџьқыџьра далагоит, иԥштәы цоит; дҟәашӡа, иԥсы
илшәшәаны дкаҳауа далагоит; ацәа дакуа, дыцәар дзалымҵуа, аԥс
реи абзареи дрыбжьахазшәа аиарҭа дылахоит; имчра зегьы цоит.
Алаԥшцәгьа заахаз ахәыҷқәа аҵәыуара иалагоит, ирыхьуа
рзымҳәо, арахь имчыданы, ишьацәхнысланы икаҳауа, ршьапқәа
еилаго, рыцәа ҭынчымкәа, уахынла иахьыцәоу рыбжьы ҭыганы
ацәажәара хҭаркуеит; аԥхыӡ бааԥсқәа рбоит, ашәара ҵыргоит,
рхыцәхәыц акаԥсара иалагоит, ишгылоу акәымкәа рыԥсы рылшә
шәаны икаҳаргьы ҟалоит, уаҳа изалымҵыкәа ианԥсуагьы ыҟоуп.
Алаԥшцәгьа заахаз арахә каҳауеит, ахьҭшьра иалагоит, ажә еим
гәа аҳәыс аӷраԥсуеит, аҳәыс иаахар акрыфара иаҟәыҵуеит; ажәхьа
ахш ацәыӡуеит, ацәеи-ажьи ԥхҭуеит, ихагахазшәа ахәаара иалагоит.
Алаԥш заахаз ахаҵа иҩны ааира игәамԥхо, иԥҳәыс, ихәыҷқәа
иҟарҵо зегьы дрыхгәамҵуа, иԥҳәыс лыԥсы шҭоу ихашҭуа далагоит; акрыфара даҟәыҵуеит, иҿаҵа акгьы азеилымкаауа, иифо зегьы
ашоушәа ибо дҟалоит.
Ашьхымза ачымазара рылалоит, мамзаргьы аҵарақәа ҩа
рыжәланы ирфоит, аамҭа кьаҿк иалагӡаны рыҭра иҭыԥсаауеит.
Ашәарыцаҩ зылаԥш цәгьоу диқәшәар дхынҳәыр еиӷьуп, дахьцо акгьы иԥылаӡом, деиқәшәаӡом, иаԥхьа аԥслаҳә гылазаргьы
ихысымҭа иара иавҟьаны ицалоит, ишәақь еибамгар алшоит,
уи акәым ихаҭа ахра далҟьаны дҭахаргьы ҟалоит. Уаанӡа дласны дахьаҿысуаз ахра уажәы игәы изақәымкуа, дшьацәхнысло,
дкаҳабӷало даҿахоит.
Аԥсуаа Алаԥш иацәызыхьчаша ахәшәтәыгақәа, ахыхьчагақәа
рацәаны ирыман. Зегь раасҭа ахархәара змаз Аҭәҳәақәа ракәын,
иахьагьы ахархәара рымоуп. Ауаа рылаԥш заахаз ихәышәтәра иазку аҭәҳәақәа Абзалаԥшыҭәҳәа ҳәа ирышьҭоуп, Аԥсцәа рылаԥш заахаз злархәышәтәуа Аԥсылаԥшыҭәҳәа ауп.
Аԥсуаа ачымазарақәа зегьы, еиҳарак ахәыҷы чымазарақәа,
Анцәахәқәа рымоуп ҳәа ирыԥхьаӡон. Урҭ Анцәахәқәа рыхьыӡқәеи,
ачымазарақәа рыхьыӡқәеи ирыдҳәаланы Аҭәҳәақәа рыман: Аԥ
шьраҭәҳәа, Абҷыҭҭәҳәа, Алаԥшҭәҳәа, Абзалаԥшыҭәҳәа, Аԥсылаԥ
шыҭәҳәа, Аҽгәалҭәҳәа, Акәырҵыкьҭәҳәа, Аҭлоуҭәҳәа, Аимҳәар
шәыҭәҳәа, Арԥхатәыҭәҳәа уб. ир.
Ауаҩы ихаҭа, иҩны-игәара Алаԥшцәгьа иацәызыхьчо ракәны
аԥсуаа ирыԥхьаӡоит: аҵәасса амахә, араса амахә, ашәчбӷьы, ашыц,
аҵәамахә, аца амахә, акаҵахәыр амахә, аҩымсаг, аҟама, ахаҳә
шкәакәа, ахаҳә кылҵәа, акәысҭӷа, амца, ахәшԥырӷы, ахәа, ахнышьыр, арацәа, аџыш, ала еиқәаҵәа ахәыц, ала шкәакәа ацрыҵ,
алаԥшкакаҷ, амхалдыз, ақьынсҭа.
Алаԥш заахаз ихәышәтәышьа. Зегьы реиҳа ахархәара змоу
аҭәҳәақәа роуп. Аҭәҳәаҩцәа еиҳарак ҳәсақәоуп, аха имаҷӡам
аҭәҳәа ахаҵа ианыҟаиҵогьы. Аҭәҳәаҩ Алаԥш заахаз диҭәҳәоит
хынтә. Аҭәҳәа ажәақәа лыбжьы ҭымгаӡакәа илҳәоит знык, нас
иханытә ишьапаҿынӡа «чфу, чфу, чфу» ҳәа дихысуеит диҭәҳәо,
ишьапаҿынтә ихахьы диҭәҳәо дцоит, абас хынтә. Хынтә аҭәҳәа
лҳәоит, жәынтә диҭәҳәоит. Аҭәҳәала алаԥш ихцаны икарцон
(быжь-шьхак ирыхцаны, быжь-мшынк ирхыҭәҳәаланы) уаҳа
ҿааҳәыра ақәымкәа.
Алаԥш заахаз Аҭәҳәаҩ иҿынӡа данырзаамгоз, ма Аҭәҳәаҩ
ачымазаҩ иахь данырзымгоз аҵәца азна аӡы ҟаҵаны Аҭәҳәаҩ
дхыҭәҳәаланы ирылҭон. Алаԥш зкыз уи аӡы идыржәуан, уи ала
ихаз алаԥш ихырцон.
Алаԥш заахаз аҭәҳәаҩ иҿы данааргалак, иаахаз алаԥш ӷәӷәазар
аҭәҳәа аритуал мҩаԥыргон иҵегьы амаҭәашьарқәа адгаланы. Ас
хамшә (ашәхымс) дыладыртәон, ишьҭахь амца агәгәаҳәа еиқәыр
ҵон. Аҭәҳәаҩ лызнапык азна аџьыкхыш лкуан. Аҭәҳәара данаалгалак аџьыкхыш зныз лнапы хынтә ачымазаҩ лхы иакәлырхшон.
Аџьыкхыш наганы «алаԥш усҷҷит, узблит» ҳәа наҳәаны амца
иақәылԥсон.
Аԥшқа дызмоу харантәи аҩны данааилак, лаԥшык лхьысзар
ҳәа дшәаны, лымаҭәа ԥсахны, лҿы ӡәӡәаны акәын ахәыҷы иахь
дышнеиуаз.
Аԥшқа иааигәа инеиуа рылаԥш дамкырц азы ицәарҭа аҩымсаг
хәыҷы аҵарҵон, ицәарҭа ашыц ҭарԥсон, игараҿы акакаҷ ԥшӡақәа,
ацаха ҟаԥшьқәа кнарҳауан, «алаԥш уа иаанхап» ҳәа, мамзаргьы «ахәаџьа шәҟәы» ҭаӡахны ихчы иаҵарҵон, ма ицәа иаду акы
аҩныҵҟа иадырӡахылон, ахәыҷы ихәда ихыршьуан.
Асаби алаԥш иацәыхьчаразы ихьӡ лассы-лассы ирҳәаӡомызт,
ахьӡ ҷыда ирҭон, ихаԥыцқәа рыԥхьаӡаӡомызт, шаҟа ихыҵыз ҳәа
рыбжьы ҭыганы ирҳәаӡомызт.
Алаԥш зкыз арахә аџьықәреи иаҭәҳәаны иаҿарҵон.
Аҩны ҿыц андыргылоз Алаԥшцәгьа ацәыхьчаразы акәакьқәа
рҿы иҭаржуан аҵәымӷқәеи арацәа ҽыҭқәеи. Аҵәымӷ алаԥшцәгьа
«аҭыхразы», арацәа – «аҭыблааразы».
Алаԥш ахы ацәыхьчара аҭахын еснагь, аха зегь раасҭа ишәар
ҭаз ашықәс ҿыц аухеи адырҩаҽни ракәын. Аԥсуаа усҟан Алаԥ
шцәгьа заахаз аҩнаҭа ашықәс аҩныҵҟа маншәалара аиуӡом
ҳәа ирыԥхьаӡон. Убри аҟнытә алаԥш нызкыло ҳәа ирыԥхьаӡоз
– арасамахә, ашәчбӷьы ауаҩы илаԥш иаразнак иахьааҵашәаша –
агәашә аҭаларҭаҿы, амаҵурҭа акәакьқәа рҿы, аҩны аԥхьа уахьы
нагәыдԥшыло идыргылон, икнарҳауан; аҩны аҩналарҭаҿы ас
хымшә аԥхьа ахәа цәаҳәаны икаԥсо инарышьҭуан.
Алаԥш ахәыҷы дацәызыхьчо акәны ирыԥхьаӡоит ауаҩы иԥ
хашьарақәа. Џьара ицо ахәыҷы алаԥш дамкырц азы ан, ма анду
лнапы лкалҭ иааҵшьны ахәыҷы ихьылшьуан абас ҳәо: «Абри
лаԥшы акуазар еиҳа лаԥшы ухьымсааит!» ҳәа.
Алитература
1. Дбар С. А. Обычай и обряды детского цикла у абхазов. Сухум, 2000,
с. 72, 77–78.
2. Левкиевская Е. Е. Сглаз//Славянские древности: Этнолингвистический словарь. Т. 4/Отв.ред. Н. И. Толстой. М., 1995, с. 597 – 602.
3. Кәаӷәаниа В. А. Аԥсуаа рҿаԥыцтә поезиа аиҿартәышьа. Аҟәа, 2010,
ад. 70-113.
4. Ҳашба Р. А. Абхазский детский фольклор. Сухуми, 1980.
Ал
Ал – аԥсуаа иԥшьоу ҵлоуп ҳәа ирыԥхьаӡон. Ал аҵаҟа имҩа
ԥыргон ақьабз иадҳәалаз аритуалқәа. Х-цык змоу ал амахәгьы араса амахә еиԥш аныҳәарақәа раан агәи агәаҵәеи ахарҵон.
Х-цык змоу алмахә агәи-агәаҵәеи ахаҵаны шьхацан зырахә
ашьхаҟа ихазгалоз аҭаацәарақәа ныҳәон. Изыхныҳәоз асыс, ма
аӡыс агәи-агәаҵәеи ракәын. Иныҳәоз аԥшәма ихаҭа иакәын. Изнапык аҿы икын агәи-агәаҵәеи зхаз аҵәы, егьи инапаҿы ҵәыцак
аҩы. Иныҳәон амҽыша аҽны1.
Ал аҵаҟа имҩаԥыргон ажәлар ирзеиԥшыз аизара дуқәагьы.
Абас Абжьыуаа реизара, Абжьыуа иагәҭоуп ҳәа Кутол ианымҩа
ԥыргоз, уа инхоз Кәыта захьӡыз игәараҭаҿы игылаз алҵла аҵаҟа
еизон. Ақыҭа ахьыӡгьы уаантәи иааит, иаанаго Кута-ил ауп ҳәа
зҳәо алегенда аниҵахьан Ш. Инал-иԥа2.
Иҟан Ал-ныхагьы. Уи иазкны аныҳәарагьы мҩаԥыргон. Аны
ҳәара акырӡа иазааигәоуп аҭаацәарақәа рхы ақәныҳәаразы имҩа
ԥырго «ахныҳәара» захьӡу ақьабз.
Уи абас имҩаԥыргон. Аҭаацәара иатәу аӡәы ихароу мҩакы да
нықәлоз, иан диқәныҳәон. Амгьал ӡны, амҩа иқәгылоу лыҷкәын
длыманы рыҩны ааигәара изызҳауа ал ашьапаҿы днеиуан. Уа
иааҵагылон рҩыџьегьы. Изшьапык ал агәыцә инкыдыргыланы «деибга-дызҩыда дысзаага» ҳәа дамҵаныҳәон. Уаҟа аҿаҭахьа
ҟалҵон, «деибганы дысзааушьҭыр хәыц еиқәаҵәа злам ауаса
шкәакәа зысшьуа»3 ҳәа.
Ал иадҳәалоуп Акаа (Акабақәа) рыжәлантәқәа рныҳәарагьы.
Аныҳәара хышықәса рахьтә знык имҩаԥыргоит. Аныҳәа амҩа
ԥгаразы еизоит зегь реиҳа зхыҵуа иҩнаҭаҿы. Иныҳәоит ал аҵаҟа.
Аҳәса, ахацәа зегьы алахәуп. Дныҳәоит аԥшәма. Уи х-цык змоу
арасаҵәы икуеит. Ҩ-цык рҿы акәакәари чаӷәазалки рхоуп, ахԥатәи
ац аҿы ашьтәа иршьыз агәи-агәаҵәеи.
«Ҟәыб-ныхахь» ихы рханы дныҳәоит, «Ҟәыб-ныха» даҳәоит
аижәлантәқәа зегьы хылаԥшра рыгимыжьырц азы. Иршьуа
ашьтәа хышықәса еиҵамзар ауп, иршьыр иҟало уаса шьтәазар
ауп. Уи заанаҵ иаахәаны рхала ирааӡон. Ианыршьлак ашьҭахь,
иаразнакы ацкы ықәдыргылон. Атәыҩақәа уа алҵла амахә аҿы
икнарҳауан. Ацәа аныҳәаҩ ирҭон. Аныҳәаҩ данныҳәоз егьырҭ зегьы ршьамхы арсны игылон. Ал аҵаҟа аишәа ду дыргылон. Агәиагәаҵәеи рссаны зегьы агьама ддырбон, иара убас ижәны аишәа
агәҭа иқәыз ахы акәац амхны иршон, ирфон. Иаанхаз аҩныҟа
иларгон. Аҵла амҵан ианныҳәоз аҩы адыргалар ҟалаӡомызт.
Аныҳәара ахԥатәи ашықәс азы ирзымҩаԥымгакәа иахыԥар,
аԥшьбатәи ашықәс азы имҩаԥыргар ҟалон. Усҟан иршьуаз ауа
сашьтәа ԥшьышықәса ахыҵуазар акәын. Ибжьахаз ашықәсазы,
аныҳәара ахаҭыԥан, имҩаԥыргон «ҷырпаӷь» захьӡыз даҽа ҵаск.
Аҷырпаӷь захьӡызгьы иршьуаз арбаӷь ҷышь акәын азы ауп4.
Ал аԥсуаа тотемк аҳасабала ианахаҵгылозгьы ыҟан, убрантә
ауп ажәла Алшәынбагьы ахьынтәаауа5.
Ал ҵла хәшәуп.
«Ал еизадоу ҵлоуп, агәы разуп. Ацәа ҵаӷеи иҿало алсақәеи
хәшәуп абабареи аҩнуҵҟатә хьаақәеи рзы»6.
Аԥсуаа ал иҿало алсақәа ахәда хьаақәа ирыхәшәуп ҳәа еиҵар
ԥхьаны рыхәда иҭдыршоит, аҳәса рыҩнуҵҟа хьаақәа ирыхәоит ҳәа
аиҵарԥхьа ржәуеит.
Ал амагиатә мчы амоуп, иԥшьоу ҵлоуп ҳәа ирыԥхьаӡон азы
алаԥшҭәҳәақәа рҿгьы имаҷымкәа рхы иадырхәоит:
Ал каҿа зырқамсыз,
Аҳаса зырхәыхәыз,
Аҽҿыс зыркьыкьыз –
Лаԥшуп7.
Ал маҭәахә бзиоуп. Амузыкатә инструментқәа алырхуеит, алак
ахьшьразы иманшәалоуп, аԥштәы бзиахоит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Ал шьаҭас измоу аҭыԥхьыӡқәа Аԥсны адгьылҵакыраҿы има
ҷым: Алгыҭ, Алӡыхь, Аалӡга, Алрхәы.
Иҟоуп ажәарццакгьы: Арланаа ран лалтарра.
Ал аӡахәа ақәырҵон. Уи иҿало ажь агьама зегь реиҳа ихаахоит, насгьы аԥштәы еиқәаҵәаӡа иҟалоит, ибзианы ишәуеит ҳәа
иԥхьаӡан. Уи иалҵыз аҩы акәын аҳаԥшьа иҭарҭәоз8.
Алитература
1. Акаба Л.Х. Исторические корни архаических ритуалов абхазов. Сухуми, 1984, с. 43.
2. Иара уа, ад. 43.
3. Илҳәамҭоуп Шамы Минака. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ., ла
ҵарамза 23, 1980 ш. азы.
4. Акаба Л.Х. Указ. работа, с. 45-46.
5. Илҳәамҭоуп Цгәы Едгьац-иԥҳа Смыр Хьыџьгәагә. Ианиҵеит Г. У.
Смыр. 12.07.1968.
6. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Аҟәа, Ԥхын
гәы 26, 2000 ш. азы.
7. Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа 12 томкны. I атом. Атом еиқәир
шәеит, акьыԥхь иазирхиеит, аԥхьажәеи азгәаҭақәеи иҩит афилол. ҭҵ.рк.
В. А. Кәаӷәаниа. Аҟәа, 2008, ад. 113.
8. Иҳәамҭоуп Чкотуа Дикран. Ианылҵеит Ц. Габниа, Џьырхәа ақ.,
1989 ш. азы.
Ала
Ала – иҟалаша заа издыруа, ауаҩы Нырцәыцҳа дықәызго, ахаҭа
анԥсуа мҩашьарада зцәа ианыруа, ауаҩы изааигәоу, иразу, абзиара
знаало, зыбз ахәразы ихәшәу ԥстәны аԥсуаа ахәаԥшуеит.
Аԥсуа мифқәа, алакәқәа, аҿаԥыцтә жәабыжьқәа рҿы ирацәоуп
ала, алеи ауаҩи реизыҟазаашьа атәы зҳәо аҿаԥыцтә сиужетқәа.
Нарҭаа руаӡәк иԥа даниуаз ауха, дара рымӡырха иҭаз ала аласба ахылҵит. Аласба убла ацәухьчаратәы иԥшӡан. Ашамҭазы аласба иҷкәына ԥшқаны иҟалеит. Нарҭаа рҵеи иизи иареи, уи нахыс,
иааицрымшәаӡо еицын. Амала изынхеит ихылҵшьҭра атәы зҳәоз
ахьӡ ҷыда – «ала аԥа»1.
Ала ауаҩы изааигәоуп.
Ала аԥсуаа ахәаԥшуеит ауаҩы изы зхы иамеигӡо, бзиа изыҟоу,
изааигәоу ԥстәны. Аԥсуа мифқәа изларҳәо ала Анцәа ауаҩы
анышәаԥшь далхны дықәиргылт. Аҩсҭаа днеин аҽқәа, «ауаҩы
иԥсы ҭалар, шәарҭ амықәшәатә шәақәшәоит, дышәшьы» ҳәа
реиҳәоит. Аҽқәа ауаҩы игәыдларц рҿанынарха, алақәа лаҵҟьан,
аҽқәа иреишуа, наҟ иԥхарҵеит. Абри ахҭыс еиҳагьы ауаҩи алеи
еизааигәанатәит ҳәа ирыԥхьаӡоит2.
Ала аԥшәма данԥсуа адыруеит, ауура иалагоит. Абас ҽнак ала
ауура иалаган, «аԥхьа игылаз арбаӷь – «узырҵәыуазеи?» – ҳәа
иазҵааит. «Ҳаԥшәма сааҭк ашьҭахь дыԥсны дааргоит!»3 – аҳәеит
ала. Сааҭк ааҵит, ашьха иҟаз аԥшәма «асакаса данҵаны» дааргеит.
Ажәлар ирҳәоит, аԥшәма ила ауура ианалаго, иара рыцҳарак,
ма машәырк ихьраны ианыҟоу ауп ҳәа. Ауубжьы Анцәа иҟынӡа
инаӡоит. Анцәа уи рыцҳарак дшақәшәаз идыруеит, нас ацхыраа
ра ииҭоит.
Ала абз хәшәуп. Амифқәа изларҳәо ала, Ассирқәеи Адоуцәеи
рхаан дыҟан Аслан захьӡыз уаҩ дук. Уи урҭ дыриааиуан, ҭаха
риҭомызт.
Ҽнак уи дшыцәаз, Ассирқәа рышьҭыбжь мыргаӡакәа, абырфын рахәыцла дҿаҳәаны, иблақәа ҭыхны, дышьны, аҵеиџь ҵаула
дҭарыжьуеит. Имаҵуарлақәа ишәарыцаны ианааи, дрымбаӡеит.
Ишьҭалан дрыԥшааит, аха дызҭажьыз аҵеиџь дрызҭымгеит.
Амҩахь илбаауеит. Уардынла иааиуаз хаҵак, илеиханы, дҽы
жәырхуеит. Икалҭ иацрыхо, аҵеиџь аҿы ак шыҟаз еилдыркаауеит. Еицхырааны дҭыргоит. Хаха-хымш ихатәаны ирбзара
иаҿын иааҟәымҵӡакәа. Ахымш рзы Аслан илақәа аахитоит,
дҩықәтәоит4.
Ала ахала ахы ахәшәтәуеит. Аԥсуаа агәра ргоит ала чымазарак ахьыр, уи зыхәшәтәыша ашьац ԥшааны ишафо, уи алагьы
ахы шахәшәтәуа, насгьы «ала шакәу ауаҩы аҵиаақәа шыхәшәу
раԥхьаӡа изырбаз».
Ауаҩы ихәра ала иарбзар ибзиахоит.
Ала ауаҩы Нырцәыцҳа дықәнагоит.
Дыҟаӡам ԥсыуак, ала ауаҩы Нарцәыцҳа дықәнагоит ҳәа аз
хазымҵо. Ауаҩы данԥслак, ахымш рзы, Нарцәыцҳаҿы днанагоит. Уа иқәу ацҳа арахәыц еиԥш ипоуп. Уи дзықәсыр, Џьанаҭ
дынҭагылоит. Ақәсра мариам. Аха иара дықәлоит. Маҷк днеиуаны еиԥш, иаԥхьа иаацәырҟьоит ицәԥсхьоу ицгәы. Уи ацҳа ахәша
ақәшьра иалагоит, дықәҵәрааны иҵаҟа иҟоу, Џьаҳаным дҭаҳарц
азы. Ацгәы ршәаны наҟ иканацоит ила. Уи абз ықәшьуа мацара,
ахәша зегьы ықәнахуеит. Аԥшәмагьы уаҳа ԥырхага имоуӡакәа наҟ,
џьанаҭ, днеиуеит5.
Ала анԥсуа ахаҭа иадыруеит.
Ала анԥсыша, рҳәоит аԥсуаа, ҩаха-ҩымш аҟыу-ҵәыуара хҭа
накуеит. Нас, инеины, зегь раасҭа атәара бзиа ахьабалоз аҭыԥ
аҿы, аҽеикәаԥсаны, инатәоит. Уаҟа ахы нықәҵаны иԥсуеит. Ала
анууа, аԥшәма изы ибзиаӡам, ма агәылара ԥсрак ҟалар ҟалоит
ҳәа иԥхьаӡоуп. Иара убас, ала аҟыу-ҵәыуара хҭанакыр, иара ахаҭа
машәырла иҭахоит, ма аԥсра ааигәахоит.
Ала зхылҵыз.
Ауаҩы иҷапан хҵәаны инкадыршәит. Анцәа уи аашьҭихын, ала
алихит, рҳәон ажәытәқәа6.
Алитература
1. Приключения Нарта Сасрыквы и сто его братьев. Сухуми, 1962,
с. 94 – 99.
2. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. VII атом. Еиқәлыршәеит
Габниа –Инал Ц.С. Аҟәа, 2002, ад. 56.
3. Илҳәамҭоуп Смыр Арда. Ианылҵеит Ц. габниа. Џьырхәа ақ., 2000 ш. азы.
4. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Абгосиздат. Сухуми,
1960, с. 28.
5. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. VII атом. Еиқәлыршәеит
Габниа–Инал Ц.С. Аҟәа, 2002, ад. 156–157.
6. Иҳәамҭоуп Хьециа Т. Џь.. Ианылҵеит Ц. Габниа, Аҟәа, 2013 ш. азы.
Лых- ных
Лых-ных – иахьа Лыхны ақьырсиан динхаҵара ауахәама ахьгылоу аҭыԥ аҿы итәаз, Лхаа зегьы зымҵаныҳәоз, аиӷара, ацәгьара
зыбжьалаз зҿаԥхьа иқәны рхы ахьҿырхуаз, рхы ахьдыриашоз
ныхахәуп.
Ақьырсианра Аԥсны аларҵәара ианасакьаҳәымҭаз Лых-ных
атәарҭаҿы ауахәама дыргылеит.
Лых-ных ныхаԥааҩцәас иамоу Шьаҟрылаа роуп. Лхаа зегьы
рнаҩсан Шьаҟрылаа ҷыдала Лых-ных рныхахәуп. Убри аҟнытә урҭ
шықәсык ахьтә знык иамҵаныҳәон.1.
Ақьырсианра Лыхны иалаҵәо ианалага, аныҳәара Мшаԥныҳәа
иақәшәеит. Шьаҟрылаа шьыжьымҭан заанаҵ ауахәама инеины
иҭалон, ианааҭыҵлак, Лых-ных иадҳәалаз аныҳәара иахьа ауа
хәама ахьҭагылоу агәараҿы хазы имҩаԥыргон.
Ауахәама инаҟәыҭханы, мраҭашәарахьтәи аган аҿы иҵан Шьа
ҟрылаа ирзеиԥшыз, аныхаҿы изыхныҳәоз аҩы зҭарҭәоз, ҩажәи
хәба ԥҳал зкуаз» аҳаԥшьа. Убри аҳаԥшьа иахагыланы акәын Шьаҟ
рылаа «Лых-ных»ҳәа ишныҳәоз.
Лых-ных аныҳәара иадгалатәыз: аҳаԥшьа азна аԥсуа жьы
иалхыз аҩеиқәаҵәа, ахәыӡ бысҭа, ишәымацараха иҟаз ахәышҭаара
чашәмгьал, ашырӡ шыла ала икәаҳаз акәакәар гьежь, Шьаҟрыл
хаҵажәла рыцыԥхьаӡа ацәа цқьа иалху ацәашьқәа.
Ачыс армазеира хықәкыла ирыдын Лыхны ақыҭа иатәыз аҳабла
Аҳрыҵа аҟны инхоз Шьаҟрылаа. Араҳахә еимырдон. Шықәсык
ҭӡак ирыдын, егьи иааиуа ашықәс азы даҽа ҭӡак ирыдырҵон. Абас
еиҭакуа зегьы ирхысуан, нас ҿыц еиҭаналагон.
Афатә алхразы Шьаҟрылаа зегьы рмарҭхәқәа еиларԥсон. Аҳаԥ
шьа азна аҩеиқәаҵәа ҭарҭәон. Абысҭа зларуа ашыла, ачашә злырх
уа (иахьа) ачашыла, ицәыԥсны иҟоу ашәаӡақәа еидгалатәын заа.
Аныҳәара. Аныҳәара иадгалатәу ачыс армазеира зду, мшаԥы
уаҵәы акәзар иахьа хәырџьын дук, ма макәана дук аашьҭыхны,
Шьаҟрылаа зегьы дрылсуан, рмарҭхәқәа – ашыла, ашәаӡа, ачашыла еизигон.
Иандырмазеиуа аамҭа. Мшаԥы аҽны, ашара макьана акыр
шагу араҳахә зду иҩны иӡуан акәакәари ахәышҭаара чашәи.
Ишыԥхоу ауардын иақәҵаны аныҳәарҭаҿы инаргон. Аӡыс уа
аныҳәарҭа аҭыԥ аҿы иршьуан, иржәуан, иааҭыганы жьыхәҭажьыхәҭала еиҿырхуан, нас иара уа ахәыӡ бысҭа руан. Аашоны, зегьы ырмазеины, аҳаԥшьа ааигәара инаганы идыргылон.
Аҳаԥшьа ахы лаҳа бӷьыла ихҩан. Алаҳабӷьы аӷәыцәмаҟьа
ақәын, аӷәыцәмаҟьа ахаҳә ду. Аҳаԥшьа ахаҭа адгьыл иҵан аарла
ахы ҩыҵыҳәҳәо, ахы ахаҳә шкәакәа ссақәа рыла, еивҵрыԥххаа,
иҭалаҳаны иҟарҵон.
Аныҳәара аамҭа. Мшаԥы аҽны, ауахәама ишааҭыҵлак, Шьаҟ
рылаа хаҵажәлас иҟоу зегьы аҳаԥшьа ахьыҵоу еиманы иааиуан.
Аҳәсажәла уахь анеира азин рымаӡамызт. Аныҳәара армазеира знапы ианыз, лхаа, ауахәама иаадәылҵуа зегьы, Шьаҟрылаа
рныҳәарҭа ашҟа шәымҩахыҵ ҳәа реиҳәон. Анеира зылшоз, аамҭа
змаз зегьы гәахәала ирыдыркылон ааԥхьара, инеиуан. Лхаа
ракәым, ауахәамаҿы аныҳәара мҩаԥызгоз апапгьы уахь иԥхьаны
днаргон.
Аныҳәара амҩаԥысшьа. Шьаҟрылаа ахацәа зегьы аҳаԥшьа
иаакәшаны иаагылон. Уа имазеины акалаҭ иҭаз акәац хыхь иахан аӡыс агәи-агәаҵәеи зхаз арасаҵәи акәакәари. Шьаҟрылаа
рыжәлантә қәрала зегьы иреиҳабу (даналырхлак, дыԥсаанӡа
аныҳәара иара идын), иарӷьа напаҿы иааникылон агәи-агәаҵәеи
зхоу арасаҵәы, иарма напаҿы Шьаҟрылаа хаҵажәлас иҟоу ры
цыԥхьаӡа ацәашьқәа еидкыланы, амца дыркны иааникылон.
Аныҳәаҩ данныҳәо иааикәшаны игылоз Шьаҟрылаа роуп, иаа
рыԥхьаз асасцәа наҟ инаскьаны иаагылон, иныҳәоз ирылагылар иашамызт, иахәҭамызт. Аныҳәаҩ ивара дгылон аҵәца азна
аҩы зкыз Шьаҟрылк. Аныҳәара цонаҵы аҳаԥшьа ахы хтны иаан
рыжьуан.
Аныҳәаҩ ирасаҵәи ицәашьқәеи ҩышьҭыхны иаанкыланы, амрагыларахь ихы нарханы абас иҳәон: «Уа, Шьаҟрыл инцәахәу, иахьа
абра Шьаҟрылаа иасышықәса ишыҟарҵац еиԥш ргәаҵәахәы удырбоит, абра иҟоуп хәыҷгьы-дугьы, зшьамхы инанагоны иҟоу иуашьапкразы. Лых-ных, шьарда зымчу, ҳуҳәоит, ианагь ишаҳху аиԥш,
улаԥш хаа ҳхызааразы, қәнамга ҳақәумыршәаразы, иаҳзымдыруа
ҳаҭоумҵаразы, ҳуҳәоит улԥха, угәыԥха ҳаҭ, аҩсҭаа ҳаицәыхьча,
цәгьаразы иҳашьҭоу ҳарцәыхьча, цәгьалашьа ҳалумхын, зҩала
ԥхӡы ҳалумхын, амашәыр цәгьа ҳацәыхьча, ухьышьаргәыҵ ҳа
кәыхшоуп; ҳуҳәоит, ушьапы ҳкуеит уаҩԥсыла ҳазурҳаларазы,
анҵыра ду ҳаҭәоушьаразы, есышықәса хәыҷла дула ҳаиҵаҩҩы,
ушьапкрада хьаа ҳамамкәа, умаҵ аура ҳахыбаамкәа ҳҟауҵара
зы ҳуматаниоит»2. Икәшаны игылоу зегьы «Амин, иҳанцәахәу
иуциҳәааит!» – рҳәоит.
Убас данныҳәалак ашьҭахь, Аныҳәаҩ ауахәамахь иҿы нарханы
ус иҳәоит: «Нан, Анана, аҳкәажә ду! Былԥха, бгәыԥха ҳаҭ, ацәгьара
ҳацәыхьча! Бшьапы акрада хьаа ҳамамкәа ҳҟабҵаразы ҳбыҳәоит,
бхьышьаргәыҵа ҳакәыхшоуп!» Егьырҭ зегьы «амин» рҳәоит.
Анаҩсан, аныҳәаҩ насҭха, Шьаҟрылаа инарылҵны игылоу асас
цәа рахь ихы нарханы ус нациҵоит: «Дадраа, абра Шьаҟрылаа
рныҳәарҭа иазаангылаз асасцәа! Доусы шәныхақәа рылԥха шәы
мазааит! Лых-ных, шьарда зымчу, алаԥш хаа шәхызааит! Ҽааны
бзиала шәаргьы ҳаргьы ҳнеиааит!». Зегьы, аԥшәмацәагьы асас
цәагьы, «амин»рҳәоит.
Аҵыхәтәаны, Аныҳәаҩ дзыхныҳәаз аҩы ԥыҭк нахижәаауеит,
агәи агәаҵәеи ргьама ибоит. Иааигәа игылоу арасабӷьынҵә наидыркуеит. Аныҳәаҩ иаҵәца иҭоу аҩы уи инӡаашьны, Шьаҟрылаа
зегьы ирықәирԥҟҟоит. Абарҭқәа рышьҭахь агәи, агәаҵәеи, акәа
кәари маҷк-маҷк аарымхны, инаргәыҵа инанԥсаланы, ҩы хәыҷык
нарықәҭәаны абас иҳәоит: «Абри Ачбеи Чачбеи иҟьҟьа-иҵәҵәа
ирхьыгӡаны рызхара рҿасҵаанӡа цәгьара ҳзааумган, цәгьала шьа
ҳалумхын, зҩала ԥхӡы ҳалумхын!» Аныҳәара ашьҭахь иику наганы
ауахәама аҭӡамц аҿы дахьзыҩаӡо џьара инавеиџьгәоит. Даагьежьны, ирасаҵәы иахоу агәи агәаҵәеи рссаны иаамхуа, акәакәар надкыло Шьаҟрылаа зегьы агьама дирбоит.
Аныҳәарақәа рышьҭахь абӷьы зҿассы иҟоу арасамахәқәа ҵаҟа
асаара ишьҭарҵоит. Уа иқәырҵоит абысҭа, акәац, зегьы рыцыԥхьаӡа
чашә-сак, чашә-сак. Сасгьы аԥшәымагьы неины ус ирхиоу аишәа
иахатәоит. Рнапы анадыркуа аамҭазы, аханы итәоу Аныҳәаҩ
дҩагыланы, сасгьы-ԥшәымагьы аарӡырыҩны абас иҳәоит: «Дадраа, иахьа абра иҟоу, даԥшәыма дсасы! Ҭыԥ цқьарҭак, ныҳәарҭак
аҿы ҳтәоуп, нцәа шьапкырҭоуп ара! Чеиџьыка хәыҷы, чеиџьыка
ду ыҟам. Аныҳәарҭаҿы ишаԥу ала, Анцәа иҳаҭәеишьаз ачеиџьыка
ҳахатәоуп, арыжәтә ҳамоуп иахьынӡаҳзыжәуа. Дадраа, шәхаҵкы
сцеит асас, аԥшәма загьы, ишәфы, ижәжәы иахьынӡашәҭаху, аха
абри аныҳәарҭа аахәаны сшәыҳәоит, аныҳәарҭа иахәҭам ажәак
мҳәакәа, шәеибаныҳәа-еибаныԥхьа, аныҳәарҭа пату ақәҵаны,
еибаргәаарак ҟамҵакәа шәеимлысразы сшәыҳәоит»3.
Иӡырыҩуаз зегьы, сасгьы-ԥшәымагьы: «Ус, ари аныҳәарҭа иахә
ҭам ала аныҟәара ҟамлароуп. Ус аӡәы дҟалаӡаргьы, абарҭ зегьы
аныха даҳҭоит», – ҳәа еилабжьон.
Аҳаԥшьа иҭаз аҩы кәапеила акәын ишҭыртоз. Аҭаҳмада
цәа кәапеик-кәапеик аҟара ржәуан, аҿар иҵегьы инеиҳаны. Аха
гәынхарак, гәааибагарак ҟаломызт, аӡәгьы уи аҩыза ихы иаҭәеи
шьомызт.
Аҳаԥшьа иҭаз аҩы аҵанӡа ирыжәӡомызт. Иаанхаз араҳахә здымыз агара азин рыман. Уи аԥҳал изҭаз аҩы еимырҟьа Шьаҟрылаа
рыжәла иатәыз зегьы ирылсыр акәын. Мшаԥныҳәа цонаҵы,
аҳаԥшьа иҭаз аҩы ҳәа пату ақәҵаны, ирызнеиуаз асасцәа ҵәыцакҵәыцак ддыркуан. Ажәра ззынасыԥхаз дҭаҳмадазаргьы, арԥыс
қәыԥшзаргьы игыланы акәын аныҳәаҿа шыркуаз. Уи аныҳәаҿа
«Лых-ных» аныҳәаҿа ахьӡын. Ари аныҳәаҿа шықәсык ахьтә знык
акәын ианыркуаз, ианыркуаз аҳаԥшьа иҭырхыз аҩы ала акәын
ишыркуаз.
«Лых-ных аҳаԥшьа». Шьаҟрылаа зегьы хазы, дасу ҭӡыцы
ԥхьаӡа рыҩнқәа рҿы ирзыҵан «Лых-ных аҳаԥшьа» ҳәа изышьҭаз
аҳаԥшьа.
«Лых-ных аҳаԥшьа ду» аҟны рныҳәара ианалгалак, дасу
рыҩнқәа рҿы ӡсык-ӡсык ршьуан, ахәышҭаара чашә ҟарҵон,

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Амифи аритуали - 06
- Büleklär
- Амифи аритуали - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3580Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3626Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3670Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3629Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3610Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3600Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3603Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3565Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3578Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3672Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3649Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3599Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3028Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.