Latin

Амифи аритуали - 04

Süzlärneñ gomumi sanı 3614
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
уԥсы ыҟоуп!» – ҳәа зҳәо аԥсуа шәиира иаҳәогьы уи ауп.
Аӡы – адырра ҿыц узаанагар алшоит. Ажәлар рыԥхыӡқәа рҿы
уи иамоуп ахатәы символқәа. «Аӡы цқьаӡа ухыԥшылошәа убар –
ажәабжь бзиа иатәуп», – рҳәоит. «Аӡы хәашь уаԥхьа илеиуазар –
ажәабжь бааԥсы, абыз, ацәгьаҳәара» иатәуп. «Аӡы хәашь уҭаҳазшәа
убар – аӡәы цәгьакы уалеигалоит, абз уаҟьшьуеит». «Аӡы цқьа ухиааланы уӡсуашәа убар – абзиабара цқьа узааиуеит».
Алитература
1. Иҳәамҭоуп Чкотуа Дикран. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
ԥхын­гәы 23, 1994, ш. азы.
2. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. VII атом. Аҟәа, 2002,
ад. 250-252.
3. Иара уа, ад. 152-155.

ӠыӠлан//Ӡызлан
Ӡыӡлан – аԥсуа традициатә нцәахаҵара излаҳәо ала аӡқәеи,
аӡиасқәеи, аӡкәарҷҷақәеи, акәарақәеи, аӡиа цқьақәеи ирхы­лаԥшуа,
знапаҿы иҟоу, зылшара маҷым нцәахәуп.
Ари анцәахәы ахьӡ ҷыдақәа лымоуп: Ӡыӡлан//Ӡызлан-ӡаҳ­кәажә//
Ӡаҳкәажә-ду//Ахьы-Ӡаҳкәажә//Ҳаҳкәажә//Сибра Аӡы иҭоу//Ӡызлан.
Ӡыӡлан лҭеиҭыԥш. Аҭыԥҳа бзиа длеиԥшуп. Адунеиахаан дажә­
ӡом, «лыхцәы шьқьыруа», «ибырфынха, иқамызуа илықәын», «да­
шьаҳауа лышьхәаҟынӡа илеиуан», лцәеи-лжьи ҟәашәшәӡа иҟоуп;
аԥсыӡ еиԥш ихьшәашәоуп; ацәамаҭәа лышәӡам, «лан дшаалыхшаз» еиԥш дыхтуп.

Атекстқәа рҿы даараӡа имаҷны иуԥылоит деилаҳәоуп ҳәа зҳәо
аҭыԥқәа. Аха ус акәзаргьы иҟоуп: «лара барфын ҟаԥшьыла деи­
лаҳәан, аӡы далажьын, аха уи лымаҭәа бааӡаӡомызт» ҳәа аин­
формантцәа ражәа иахьалоу.
Ауаатәыҩса дызлареиԥшымызгьы ыҟан. Уи лшьапԥынҵақәа
лышьҭахьҟа ихоуп, лышьхәақәа лаԥхьаҟа ихоуп. Лгәыԥҳәқәа дууп,
лҟәаҟәахь ихьаршәҭны, игьал-гьало илхьынҳалоуп, аԥсыӡ еиԥш
дҵәырҵәыруа дыҟоуп.
Ӡыӡлан лхы иалырхәо амаҭәарқәа. «Ӡыӡлан асаркьа лымоуп,
уи даныԥшыланы адунеи аҿы иааҟало зегьы лбоит», адунеи зегьы
лара лнапсыргәыҵа иқәушәа илзаатуеит.
Ӡыӡлан лылшарақәа, лхымҩаԥгашьа. Ӡыӡлан еиҳарак ахацәа
ӷьеҩқәа, ахацәа ԥшӡақәа дрышьҭоуп. Дахьҭоу аӡы ируа ахацәа
драқәԥоит. Еиҳараӡак аҽыхәа иақәтәоу. Лара бӷарҵахьы дықә­ԥоит.
Дызиааиз ахаҵа лара дылтәхоит, хаҵас дышьҭылхуеит, иԥҳәыси
иареи еилылхуеит, иара ихаҭа анааилахәлалак иҭаацәа (иԥҳәыс)
ааныжьны лара лышҟа ацара хҭеикуеит. Аҭаацәара иаламлац иакә­
зар уаҳа ԥҳәыс даамгаӡакәа иҽиражәуа дҟалҵоит. Ахаҵа иеисра
далагаанӡа лыбжьы иқәлыргон. Аҭак ҟаиҵар, имчра цон, уи нахыс
«Ӡыӡлан дылкит, дихалеит» рҳәон, дычмазаҩхон, аиарҭа дылахон,
ихы еилаԥсазшәа даныҟалозгьы ыҟан. Ус дыҟазаауан ишахәҭоу ала
дырхәшәтәаанӡа.
Ус акәымкәа, аиқәԥараҿы ахаҵа аиааира игар, дирқәыр, «уашхәа
мақьаԥсыс» лирҳәар, лыхцәы «хҵәаны», «лхыцәхәыц ыҵхны» изгар,
ма иҟама иаҿеиҵар, иҭаацәареи иареи уаҳа дырԥырхагахаӡомызт,
имаҵ лулон уинахыс, уи акәым, ԥҳәысс данышьҭихуазгьы ыҟан.
Ӡыӡлан дзыцәшәоз: Аҟама, атапанча, ала, арбаӷь, аҳәа, аҽыхәа.
Ӡыӡлан «аҳәа ахьыҟоу дҟалаӡом», алеи арбаӷьи дрыцәшәон,
иара убас аҽыхәа. Ӡыӡлан дахьамоу ҳәа иԥхьаӡаз аӡиас аҽыхәа
анырыргоз, еиқәароу акы ақәдыршәон. «Ӡыӡлан лзы абџьар еиба­
гаӡомызт», «Ажәытәан аныҟәацәа, еиҳарак, аҟама зныҟәыргоз
убри лзы акәын».
Ӡыӡлан лаҵархара мариаӡамызт. Ахаҵа данеисуаз лышьҭахь­ҟа
дхыршәҭны дизкажьӡомызт, лшьапԥынҵақәа лышьҭахьҟа иахьхази лышьхәақәа лаԥхьаҟа иахьхази рзы.
Ӡыӡлан данаҵахалак иҟалҵоз. Ӡыӡлан илақәԥоз, лыхцәы
хҵәаны иҟама аҿы иакәыршаны икуан. Ас лыхцәхәыц иара инапа­

ҿы ианыҟалалак, лара дымчыдахон, ииҳәо зегьы ҟалҵон. Аҩны­
ҟа «баала» имҳәаргьы, лара дишьҭаланы дцон. Лҟәых иманаҵы
иҩны дыҟан, аӡы аалгон, рхәы ҟалҵон, ажә лхьон. Иҵәахны иҟаз
лхы­цәхәыц шаалԥыхьашәаз еиԥш, лымчра хынҳәуан, лышьҭахь­
ҟа дцон.
Илиааиз иҩны дахьынӡаҟаз, барақьаҭра агхомызт: «ахш хәыҷык
ажә иамырхыр, ақәаб илҭаҭәаны иандыршлак, иахьынӡаҩеиуаз уа
иаанхо, ибарақьаҭны иҟалон», «ахш, ахарҵәы» гарҭа рмауа иҟалон,
ажә ахш қәабла иамырхуан. Ӡыӡлан аҩны еиллыргон, абысҭа луан,
лыгәра ргон, ахәыҷқәеи лареи еизынрыжьуан, ӡаагарагьы дцон.
Ӡаагара данцалак акыр аамҭа дынхон. «Бынзырхозеи?» – ҳәа
ианлазҵаалак: «Ҳыҳ! Есқьынагь аӡыцқьа аауа џьышәшьома? – ҳәа
лҳәон рҳәеит. – Зны ашьа аауеит, зны аҭәа аауеит, зны ахш аауеит,
аӡыцқьа анаауа истоит».
Ӡыӡлан лҟәых аҵәахырҭа ҭыԥқәа: Ашәындыҟәра: Ашәын­
дыҟәра даахан лыхцәы ааҭылхын; ахәыблы – «ахәыблы иаҵеи­
ҵеит»; ауасхырқәа ахьеиԥыршьуаз; ауасхыри аҩны ахыби ахьеихарсыз; ауасхыр ашьаҟа иаҵаҵаны; аҩны иаҵагылаз ашьаҟа
иагәылаҵаны.
Ӡыӡлан илиааиз, атекстқәа изларҳәо ала, аҩныҟа данааимгозгьы ыҟан. Ӡыӡлан «сыхцәы сыҭ, ламыс умазар, суҳәоит, ҭоуба зуеит
шәыжәлантәы сшышәԥырхагамхо ала, – лҳәан, дынҭагылан дқәит
«Уашхәа мақьаԥсыс!» ҳәа, – «сызԥырхагахо рҿы унеиргьы», – «ааит,
ара иҟабҵозеи?» уҳәар, – «наҟ, сырԥырҵны, сцоит! – лҳәеит. Абас
анылҳәалак, иара лыхцәхәыц иигаз ырхынҳәны илиҭон. Ларгьы
лҭыԥахь дцон.
Аинформантцәа зегьы изларҳәо ала, уи уаҳа урҭ рааигәа дықә­
лаӡомызт. Абас, еинааланы реиԥырҵра атәы зҳәо атекстқәа еиҳа
имаҷуп.
Ӡыӡлан илиааиз иҿынтә лцашьа. Ӡыӡлан илиааиз, иҩны
шаҟа даанхаз ҳәа аамҭа ҿаԥҵәаны ажәабжьҳәацәа реиҳараҩык
иаз­гәарҭаӡом. Иахьырҳәогьы жәаҩа шықәса зегьы иреиҳау ауп.
Лара диааир, иара жәа шықәса «лыцынхара» иқәшәон, ауаа рахь
дцәырҵыр луӡомызт, ихы аҭыԥ иқәҟьаны, деилаганы дҟалон.
Лассы-лассы иуԥыло Ӡыӡлан лыхцәхәыц, лҟәых лгаанӡа уа дыҟан
ҳәа ауп: Ус «ишыҟаз, анҭ џьара ицеит»//«исыҟаз, ҽнак аԥшәмацәа
џьара ицеит»//«ишыҟаз… ҽнак… аҭаацәа зегьы ықәҵны ицеит».

Ӡыӡлан илиааиз иҿы лыҟазаара аҽҳәара амоуп. Уи аамҭала ауп
уа дшыҟоу. Лара дазԥшуп еиҳа илзымариахаша аамҭа, ахынҳәра
ес­нагь лгәы иҭоуп. Иааиуеит уи аамҭагьы. Аҩны аиҳабацәа зегьы
аны­ҟа­мыз инақәыршәаны, аԥшәмацәа рхәыҷы «сыхцәы ахьигаз саҳә, ахҷаҭ бҿасҵоит» – ҳәа джьаны иллырҳәоит. Лыхцәы
аашьҭыхны, агәараҳәа ақәаб//ачуан аҿы еилашуаз ахш ахәыҷы
длалажьны, лара дыҩдәылҵны дцоит. Ус данцо ыҟоуп. Иҟоуп
дшәины данцогьы.
Ӡыӡлан илшьуа дызусҭоу: аӡӷаб хәыҷы//амаҭа//ахәыҷы агара
игараз//ахәыҷқәа//ихыжәӡа иҟаз ахәыҷы (арԥыс)//аԥшқа//.
Ӡыӡлан лышәишьа: Ахш анасыԥ шәоуааит! Аӡы азыҳәа шәры­­
цҳахааит! Шәагьнымхааит, шәагьхымҵәааит! Шәыжәла иа­зым­
ҳааит, имӷьацааит! Шәыжәла нҵәара ақәымзааит, ҿиарагьы ақәым­
зааит! Иахьеи уахеи иагьа ӡы аажәгаргьы, уаха «аӡы, аӡы» ҳәа шәааи­
лалааит!
Ӡыӡлан дахьамаз аҭыԥқәа: Бзыԥ аӡы, Мҷышь аӡы, Ҭәырҭәры,
Кьалашәыр аӡиас аԥшаҳәаҿы, Қәмарча, Бардгьал, Улыс аӡы, Мықә
аӡиас, Гәымсҭа, Шыцкәара, Мцага, Џьырӷәыл аӡы, Аӡхыда, Кәы­
дырҭа, Ааԥсҭа.
Ӡыӡлан дыкны аҩныҟа даазгахьаз, ма илиааихьаз: Быҭә
Уаҳаид Шьаҳан-иԥа, Кәыҵниак, Магь Уасил, Ҳаразиак, Ахалаиа-иԥа
Шьаабан, Лашәындба Кәыкә, Алшәынҵы Кәыкә, Адлеи Камҷыҷ,
Џьоџьа, Ченгелиак, Цыгәаа, Џьынџьалк, Ҳаџьымк, Кәытлиа-иԥа
Ҷыҷын, Кьахьыр-иԥа Мақьҭаҭ, Еқәыԥ, Капыжь Қәаранӡиа, Ԥшы­
цбақәак, Мшәаа, Лаџ Џьелиа, Аҩӡы Ҟәбар, Абрыскьыл Шьаабан.
Ӡыӡлан зықәҿылҭхьаз, насгьы шрықәҿылҭуаз: Шьаабан!
Даара ухаҵа бзиоуп, аха уаангыл, узцом! // Уа, Адлеи Камҷыҷ уоума? // Џьоџьа ахаҵа уоума иааиуа? // Аа, Еқәыԥ! Уи! // Ее! Капышь!
Уии! Адлеи Ҷыҷа хәыҷы, уии!
Ӡыӡлан дызҭоу аӡы аҿы зҽызкәабаз аԥҳәыс дычмазаҩхон, Ӡыӡ­
лан дылхалон. Зцәа зтәым Ӡыӡлан дызҭаз аӡы аҟны дҭалар, ахәыҷы
лышьҭахьҟа лшьапқәа ханы диуеит рҳәон.
Аинформантцәа изларҳәо ала, Кәыҵниа ҷкәынак Ӡыӡлан дла­
қәԥаны, дылиааины лыхцәы шьыҵәра игахьан. Аҩныҟа дицны даахьан. Ԥыҭрак дыҟан, ашьҭахь «ужәла-зыжәлоу дахьы­ҟазаалакгьы
уаҩы сшиԥырхагамхо, уашхәа мақьаԥсыс!» ҳәа иаҳәан данқәы,
лыхцәы ихала иаацәырганы илиҭан, дцеит.

Ӡыӡлан ус зыҩны дааилозгьы ыҟан рҳәоит. Аҩны иҟаз ахаҵеи лареи ахьеиқәшәоз аца аҩныҵҟа, ма ацалаҟьаҿы акәын. Зҿы днеилоз
ахацәа рцалаҟьақәа ырҭбааны иҟарҵон. Ӡыӡлан урҭ ахацәа ныжьны
данцоз ыҟан. Уи зыбзоураз рыҳәсақәа рхымҩаԥгашьа акәын.
Ӡыӡлан дызхалаз рыхәшәтәышьа. Ӡыӡлан дызхалаз, дзыхә­
шәтәырц зылшо лара илиааины, «уашхәа мақьаԥсыс!» ҳәа лыр­ҳәаны,
даузышьҭхьоу роуп. Уи ачымазаҩ даалхагыланы, ибжьы ырцәгьа­
ны, ирымчны, иҟама ҭыхны икны абас иҳәон: «Ӡыӡлан! Былхыҵ!
Сара сахьыҟоу бара бааир ҟалаӡом! Иаарласӡаны был­хыҵ!» ҳәа.
Ачымазаҩ арасамахә ала илысуан, лҿаԥхьа апырпыл ҟаԥшь рбылуан. Иахылҵуаз алҩа ачымазаҩ дахакны дыркуан. Алҩа иҩеиуаз,
шаҟа ирацәаны илыхәлачуаз аҟара ирласны Ӡыӡлан дылхыҵны
дцоит ҳәа азырԥхьаӡон.
«Ӡыӡлан дызҭам кәарҷҷа ыҟам» аҳәоит аԥсуа жәаԥҟа. Ӡыӡлан
дызбахьаз, илиааихьаз, ма лара дызхарахаз қыҭа цыԥхьаӡа иҟан.
Аха иҟан Ӡыӡлан еиҳа дызчычаз аӡиасқәа. «Аӡы иҭоу» ҳәа аныҳәара
имҩаԥыргогьы лара лоуп изызку. Ӡыӡлан лзы иныҳәон аҭаца
ҿыц аӡха раԥхьа данҭыргозгьы. «Аӡы иҭоу» ҳәа ныҳәараны измоу ажәлақәагьы ыҟоуп. Ӡыӡлан илызку аныҳәара мҩаԥыргоит
аԥшьашаҽны.
Алитература
1. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. VII атом. Еиқәлыршәеит
Габниа–Инал Ц.С. Аҟәа, 2002, ад. 223.
2. Иара уа, ад. 217 – 218.
3. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1960, с. 62–63.
4. Чурсин Г.Ф. Материалы по этнографии Абхазии. Сухуми, Абгосиздат,
1956, с. 44–45.
5. Зыхәба С.Л. Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. Еиҳау аҵараиурҭақәа
рзы арҵага шәҟәы. Аҟәа, 1981, ад. 205–207.

АӠы иҭоу
Аӡы иҭоу – ахәыҷы, аду, аҭаацәара зегьы аӡқәа ирхылаԥшуа
анцәахәы Ӡыӡлан-ӡаҳкәажә дырхылаԥшларц, илыхьчаларц, дыр­
ԥырхагамхарц аԥсуаа имҩаԥырго жәытә қьабзуп.

«Аӡы иҭоу» ҳәа аныҳәара амҩаԥгара зду ажәлақәа ыҟоуп.
Зегьы раԥхьа иргыланы ари аҭаацәара рымацара иртәу ны­
ҳәароуп. Аныҳәара рхы аладырхәуеит имҩаԥызго аҭаацәара иа­
тәу зегьы. Имҩаԥызго еиҳараӡак аӡқәа, аӡиасқәа, аӡкәараҷҷақәа
рааигәа инхо аҭаацәарақәа роуп. Аныҳәара ҟарҵаанӡа ахәыҷқәа
ӡҭалара ирышьҭӡомызт, ихьчаӡам, «аӡы иҭоу» лылԥха рымаӡам
аҟнытә аӡы иагар, иахәаҽыр, мамзаргьы машәырк рыхьыр, чымазарак уа ишьҭыркаар ҟалоит ҳәа иазыԥхьаӡаны.
Ақәныҳәара мҩаԥылгон аҭаацәара иадыргалоз, еицырдыруаз
аныҳәаҩ – ҭакәажә.
Аныҳәара ахьымҩаԥыргоз аҭыԥ: аӡиас ахықәан.
Аныҳәара анымҩаԥыргоз аамҭа: шьхацан, ма шьхалбаан.
Аныҳәара ицон шаанӡа, ауаҩы ибла иабо изеилымкаауа аҟ­
нынӡа ианылашьцаз, аӡәгьы имбарц азы, маӡала. Аныҳәаҩ зегьы
амрагыларахь рхы рханы, аиҳабы еиҵбыра азгәаҭаны илыргылон
еикәыӷӷаа. Ашьыршьаф шкәакәа рхалыршәон аҿацәқәа асаара
ишьҭасуа.
Аныҳәара иадыргалоз. Ашә згәылоу акәакәарқәа, ма ача­
хәажәқәа, зегьы рыцыԥхьаӡа ижәны, ҩба-ҩба; Ӡыӡлан-ӡаҳкәажәи
ацәаҟәеи рызгьы акәакәарқәа ҩба-ҩба; ахырҵәыӡҩа (аӡыршла),
ацәашьы, арацәа, аҵәымӷ, аҭаацәара иаҵанакуа зегьы рнапы 10
коп., ма 20 коп. акызар акәын; уахь ирыманы илбаауан акәакәарқәа
зларжәуаз аӡгьы.
Аныҳәаҩ. Аныҳәаҩ дрыжәлантәызар ҟалоит, аха аҭаацәара
датәымзар ауп. Аԥҳәыс цқьа, ма еицырдыруа аҭакәажә-ныҳәаҩ.
Аныҳәара шцо. Аныҳәаҩ акасы шкәакәа еицарса налхаҵаны,
амрагыларахь лҿы рханы даагылоит. Ҩ-кәакәарк, Ӡыӡлани лҩыза
Ацәаҟәеи рзы иааргази, акәтаӷьи, аҵәымӷи аашьҭыхны аӡиас ин­
хыршәланы, аӡиас ахықә аҿы ацәашьы ххаӡа иаркны иналыргылон. Убарҭқәа рышьҭахь дныҳәон абас: «Аӡқәа зегьы раҳкәажә
Ӡыӡлан, иахьа, абра ҭаацәаныла зегьы ҽыкәабара ҳабзааит. Ӡыӡланӡаҳкәажә, быцәазар – бҿыха, быцәамзар – баасзыӡырҩы. Сбыҳәоит,
арҭ џьара гәнаҳарак бҿаԥхьа ирымазар ирхыбхырц. Бареи бҩызеи
шәзы абра афатә, аԥара ааргеит. Аҵәымаӷгьы ааҳгеит, аҩны быргылап. Ҳбыҳәоит ирыхьраны иҟоу зегьы абра бҿаԥхьа, аӡы ахықә
аҿы, ирхыбхырц!»1.

Нас рышьҭахь ала днеины ирхаршәу ақьафын шьыршьаф рхылхуеит. Аныҳәара ашьҭахь зегьы иркыз аԥарақәа аӡәаӡәала, хазхазы, инаганы аӡы иҭадыршәуан.
Рус ианалгалак, Аныҳәаҩ аӡахьы длалбааны зегьы аӡы ры­
қәылҭәоит, нас ҩба-ҩба кәакәар рылҭоит. Дара уи ахырҵәыӡҩа адкыланы уа ишыҟоу ирфоит. Акәакәарқәа анырфалак ашьҭахь, Аны­
ҳәаҩ афырмахьц (арасамахә) ала дрықәмақаруа «аҩныҟа шәца,
аҩныҟа шәца» ҳәа зегьы еиԥхьлырттоит, аҩныҟа илышьҭуеит. Ларгьы ԥшьаала дцоит.
«Аӡы иҭоу» ҳәа аԥсуаа аныҳәара мҩаԥыргон аҭаца ҿыц иаанагаз
илыдҳәалангьы. Аныҳәара адҳәалан, «аҭаца аӡха лнагара» аритуал.
Аҭаца ҿыц иаанагаз, абас ҩымчыбжьҟа анааҵлак аӡха дцаны аӡы
аагара азин лоурц азыҳәа аныҳәара мҩаԥыргон аӡқәа ирхылаԥ­шуа
лыхьӡала. Аныҳәара ҟарҵаанӡа аӡахьы днеир ҟалаӡомызт, аԥыр­
хага лоуеит, дычмазаҩхар, ахшаара дымир, диргьы ахш лцәыӡыр
ҟалоит ҳәа иԥхьаӡаны.
Амҩаԥысшьа. Дныҳәон зықәрахь инеихьаз, ицқьоуп ҳәа ирыԥ­
хьаӡоз аԥҳәыс. Шәахьак аҽны, акәтаршыц (имҵац) аашь­ҭыхны,
лыкәа кәтаӷьк нҭаҵаны, аҭаца ҿа длыманы аӡха дцон. Аӡы аԥхьа
даагыланы дныҳәон: «Ӡыӡлан-ӡаҳкәажә сыбҭааит сҭаца хәыҷы
дсыманы, ахәылбыҽха дааир – дыхьча, ашьыжьымҭан дааир –
дыхьча, ԥықәсылара лзыбымун, абзиаразы былхылаԥш. Ӡыӡланӡаҳкәажә – сҭаца хәыҷы лгәырӷьа!»2.
Дныҳәаны данаалгалак, акәты шьны аӡха аҿынтә ицо аӡыршьҭ­
ра ашьа ҭаларшуеит. Лыкәа иҭаҵаны (иҵәахны) иаалгаз акәтаӷь
аҭаца лхы хынтә иаакәырхшаны, «акәтаӷь агәы еиԥш дҭәы-дыԥха»
дҟаҵа, «бара абри акәтаӷь балахәмарла»3 ҳәа наҳәаны, акәтаӷь наганы аӡыршьҭра иҭалыршәуеит. Аӡы ҭтаны аҭаца илылҭоит. Уи
дхьамԥшӡакәа аӡы лыманы дцоит.
Уинахыс аҭаца аӡха дцаны аӡаагара азин лымоуп. Ӡыӡлан-ӡаҳ­
кәажә уаҳа дылԥырхагахаӡом. Мамзар дылзыцәгьахоит, длырха­
гоит ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Аныҳәара ахықәкы. Аӡаҿы илбааны Аныҳәара хҿыхран: «Аӡы
иҭоу рылԥха шәымаз, агәы-шьамхы шәымаз, иатәыз ачеиџьыкала
иахьарнахыс шәҿыхуп, аӡы иҭоуи шәареи егьышәзеилам, шәиас!»
– ҳәа ҳәаны, Аныҳәаҩ афырмахьц рыхҟьо, уа илеиз зегьы аҩныҟа
икалцон ихьамырԥшӡакәа.

Аныҳәаҩ илырҭоз. Аныҳәаҩ илныҳәаз рхы иқәыршәыз ашьы­р­
шьаф ҿыц акы (ԥарак) нагәылаҳәаны, ма цәҩычак злыҵша лырҭон.
Афатә агьама абара азин змаз ирныҳәоз ракәын. Аха аӡәы имхафар, уигьы уинахыс «Аӡы иҭоу» ҳәа аныҳәара амҩаԥгара иуалны
дҟалон.
Афатә аҩныҟа иааргар, иааиуа ашықәс азы еиҭа аныҳәара
мҩаԥыргар акәхоит.
Аинформантцәа изларҳәо ала, Ӡыӡлан-ӡаҳкәажә лҩыза ҳәа зыӡ­
бахә рҳәо ацәаҟәа ауп. Афатәқәа ҩ-цыракны иаарго руак иара
иатәуп: «Уара, ацәаҟәа, ухәгьы ара иҟоуп, абри аҭаацәара урԥыр­ха­
гамхалан!» – ҳәа Аныҳәаҩ лажәа иалоугьы иара иоуп иззынархоу.
Алитература
1. Дбар С. А. Обычай и обряды детского цикла у абхазов. Сухум, 2000,
с. 49-50.
2. Зыхәба С. Л. Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. Аҟәа, 1981, ад. 206–207.
3. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
1999 ш. азы.
4. Зыхәба С. Л. Аԥсуа мифологиа. Аҟәа, 2012, ад. 442 – 443.
5. Чурсин Г. Ф. Материалы по этнографии Абхазии. Сухуми, 1956, с. 174–175.

Акьиан
Акьиан – унеишь-уааишь зарҳәоз, аҽықәтәара бзиа избоз,
изныкымкәа ишьҭасны абаз шьҭызԥаахьаз, зыжәлар рыгәҭа аҳаҭыр
зқәыз данԥслак, ишықәс аныҟарҵоз аиныхраҿы (аимҭахараҿы)
икылкааны ахысразы имҩаԥыргоз аицлабрақәа руак ауп, акыр
ижәытәӡоу қьабзуп.
Акьиан ахьӡын иара изеихсуаз, цәҟьак аҳасабла икнарҳауазгьы.
Акьиан ахаҭа закәу. Аҵлаҿы икыдырҵон ачанах шкәакәа, хыхь
арахәыц иаркны, ачанах иахьазеиҟараз агәҭаҵәҟьа иақәшәартә
акәтаӷь ҟаԥшьы адкнарҳалон. Икнаҳазар акәын харантәы еихсуаз
ирбаратәы.
Аханатә аахысгьы Акьиан зкыдырҵоз амжәаҵлеи аџьҵлеи
ракәын, даҽа ҵлакы иадкнарҳалар ҟаломызт.
Аиндаҭлара рхы аладырхәуан зыԥсҭазаара иалҵыз иҩызцәа
ахацәа еибагақәа, иара убас аиныхраҿы иааԥхьаз, уи ахалархәра
зҭаххоз, зҭәымҭа иҭагылаз ахацәеи, зарԥысымҭа иҭагылаз аҿари.

Амҩаԥгашьа. Ахысцәа рҽааибаркны рааигәа иҟаз ахәы ашьа­
паҿы иаагылон. Рҿаԥхьа иҟаз ахәаҿы, дара ахьгылаз инаркны
«ҩышә ҽышьахәыр» инаскьаганы Акьиан кыдырҵон. Нас аҵәы
ҭарԥсон. Аҵәы зықәшәаз аԥхьа ахысра азин иман.
Ахысҩы иабџьар акы иқәкны, иахьа ишыҟарҵо еиԥш, ҭынч
дкылԥшны дхысыр ҟаломызт. Аԥҟара злашьақәгылаз ала, «иа­
ԥсуа шәақь инапы инықәырсны, акылԥшра ԥсыԥ еиҭасрак еиҳа
ахмырҵкәа» дхысуан. Аиааира згоз ачанах шкәакәеи, иара иад­
кнаҳалаз акәтаӷь ҟаԥшьи ԥыххаа иказԥсоз иакәын. Уи «Удыр­ҩатә
еиӷьхааит!» – ҳәа иарҳәон, аиааира идырныҳәалон.
Аҵх агәы ааҩшамҭазы, аиныхразы еизаз аҭынхацәеи, агәы­
цхәцәеи, аҩыза гәакьацәеи ирбо-ираҳауа, аҩнаҭа ажәлантәқәа
реиҳабы ажәа ахҳәааны Акьиан азы аиндаҭлара иҟаз аҿы аиааира
згаз, зеиныхра ыҟоу ауаҩы ираӡны ҟама, ма ираӡны маҟа уҳәа руак
аарылхны инапы инаиркуан. Уи ҳаҭырқәҵароуп ҳәа иԥхьаӡан, насгьы ирҭаз аҳамҭа аныҟәгара иҽаԥсеитәит ахьӡын. Аҳамҭа зауз изы
ари амшра ацын, еснагь иныҟәигалар бзиоуп, ицәа-ижьы иадзар
ауп ҳәа иршьон, ус иахәҭоуп рҳәон.
Ари иахьа, иуҳәар ҟалоит, Аԥсны аҩныҵаҟа зымҩаԥгара иаҟәы­
ҵхьоу, зыӡбахәгьы маҷны ирдыруа, аӡра мҩа иангылоу қьабзуп.
Иҟан аамҭакы уи даара ҳаҭыр ақәҵаны ианымҩаԥыргоз. «Дха­
ҵоуп» ҳәа ззырҳәахьаз рыԥсҭазаара ианалҵлак реиныхра аҽ­
ны имҩаԥыргон. Ақьабз ахархәара аман Аԥсны ахы инаркны
аҵыхәанӡа.

Алитература

1. Миқаиа М. Тур ихәаа ражәабжьқәа. Аҟәа, 2013, ад. 194–196.

АкәырҴыкь // аларқәықә
Акәырҵыкь – ахәыҷы блахьаа чымазароуп. Адуцәагьы ирыхьыр
ҟалоит, аха еиҳарак ахәыҷқәа роуп изчычоу.
«Алахәы зфаз ахәыҷқәа роуп акәырҵыкь зыла иалҵуа» – рҳәоит
ажәытәуаа1. Убри азы ауп иара иахьагьы зыбла акәарҵыкь алшәаз
иҩызцәа хәыҷқәа «алахәы уфеит, уаа, алахәы уфеит, уаа» ҳәа ивагьежьуа дзыркуа.

Дыршьас иарҭоз. Ауаҩы изблак аҿы ила аԥыџьқәа хыҟа­ԥшьаа­
ӡа ихҭәасаауеит. Ила аҷкәамжәыр хтатала, ашьыжь иҿы имыӡәӡәаз­
шәа дҟалоит. Абас ала зхы цәырзго ачымазара аԥсуаа «акәырҵыкь»
ҳәа хьӡыс иарҭеит. Акәырҵыкь зыхьӡу иара абла иалҵуа ауп.
Акәырҵыкь ихьит рҳәаӡом, «акәырҵыкь илҵит» ҳәа ауп изырҳәо.
Аԥсуаа ирдыруан, ирдыруеит иара ахәышәтәышьагьы. Зегьы
раасҭа ахархәара аман «акәырҵыкь ҭәҳәа», мамзаргьы «аларқәықә
ҭәҳәа». Ауаҩы алаԥш дакыр, ила акәырҵыкь алнахуеит рҳәон. Ус­
ҟан уи дызлархәшәтәуаз аҭәҳәа ала акәын.
Аҭәҳәала Акәырцыкь ахәшәтәышьа. 1. Аҭәҳәаҩ зыбла акәыр­
ҵыкь алҵыз лаԥхьа днартәаны диҭәҳәон. Лыбжьы зынӡа ирхәыҷ­
ны, «лаҩсҭаахә имаҳаратәы», аҭәҳәаҩ хынтә дыҭәҳәон. «Акәыр­
ҵыкь ҭәҳәақәа» зегьы раасҭа ирацәаны ахархәара амоуп абри
аҭәҳәатә формула:
Кәырҵыкь, Кәырҵыкь!
Цәышьы шьапы сынкылԥшын,
Кәырҵыкь збеит.
Удухозар, аца шьапы уаҟараха.
Ухәыҷхозар, уа уалаԥс!
Чфу, чфу, чфу!2

Аҭәҳәа даналгалак, абысҭа ҿаҵа цаҳә-цаҳәо инаганы акәыр­
ҵыкь ахьалҵыз аҭыԥ иақәылҵоит. Зыбла иалҵыз ауаҩы дырианы
изыҟоуҵар ауп ари ахәшәтәра. Уа иақәзаауеит ихьшәашәаанӡа.
Ианхьшәашәалак иаақәхны, ала иаҿарҵоит. «Акәырҵыкь ахаҭа ала
иафеит, ала иагеит!» рҳәон. Уинахыс ауаҩы ихыҵны ицоит, алаҿы
иаанхоит ҳәа иԥхьаӡан.
Иҟоуп еиҳа зеилазаара уадаҩу ахәышәтәышьа.
Ахәыҷы (аду ихьыргьы ҟалоит) зыла ҟаԥшьшьӡа, аҷкәамжәыр
хтатала иҟалаз аҟәардә днықәдыртәон. Ахәыҷы акриҿазҵо
аԥҳәысҿа лыхш ҩбаҟа цәыкәбар аӡыгмацәаз инҭаҭәаны ихыр­
ҭәа­лон. Иара азыгмацәаз ахаҭа ршны, ала хыҟаԥшьааӡа иахьыҟоу
инаганы иадыркылон. Урҭ аусмҩаԥгатәқәа рышьҭахь аца аҵаҟа
днаганы, дхәыҷызар дҩышьҭыхуа, хынтә ихы аҵаркшоит. Иара уа,
аца аҵаҟа, анышә аабӷьаҭны, аца ашьаҟақәа руак аҿы аџьыкхыш
цырақәаки арахәыци (арахәыц зынӡа ирымкыц акәанҷа ианырхуан)

иҵыржуан абас ҳәо: «Абри шыӡыҭуа еиԥш уӡыҭааит! Абри шбаара
убааит!».3 Нас хынтә чфу, чфу, чфу, рҳәоит, изҳәо хынтә дкажьцәоит.
Аҭәҳәа аилазаараҿы иҟазар ҟалаӡомызт ажәақәа «арахәыц»,
«аџьыкхыш». Аҭәҳәаҩ урҭ рыхьӡ имхаҳәар, иҟаиҵоз аҭәҳәа амчра
цоит хәа иԥхьаӡан.
Алитература
1. Хашба Р.А. Абхазский детский фольклор. Сухуми, 1960, с. 75.
2. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда. Ианылҵеит Ц. Габниа. Гәдоуҭа араион, Џьырхәа ақ., 22.08.1997 ш. азы.
3. Дбар С.А. Обычаи и обряды детского цикла у абхазов. Сухум, 2000, с. 79.

Ақәра
Ақәра – акы зцәыӡыз, ма цәгьарак ууит ҳәа зарҳәаз ихы ир­
қьиарц, акгьы шихарам ауаа агәра диргарц азы иҟаиҵо ари­туалқәа
ируакуп. Ақәра иаҵанакуа акыр иҭбаауп. Ауаҩы дқәыр ҟалоит
ииҳәаз ажәа шынаигӡо азы еиԥш, амц шимҳәаз азгьы.
Ақәышьақәа рацәоуп: ахаҵа иԥаҵа кны дқәыр ҟалоит, иаҳҳәап,
иажәа шынаигӡо азы. Иқәуа иқәра иара идагьы ауаа алахәызар ауп
– зҿаԥхьа дықәуа, уи заҳар зыхәҭоу, ашаҳаҭцәа, иқәуа, мамзаргьы
«ахара зду», «ахара идызҵаз», ус иҟоу ыҟазар.
Ақәрақәа зегьы иреиҳан Ажьираҿы, Аныхаҿы ақәра. Усҟан
ажьигьы уа дыҟазар ауп. Аныхаҿы – аныхаԥааҩ.
1. Ажьираҿы ақәра. Ажьи ажьаҳәа наганы Аԥсынгьери иақәи­
ҵоит. Иара уа аҿаԥхьа даагылоит. Ахара зду насҭха даагылоит, амала Аԥсынгьери аԥхьа ажьи иахь иҿы рханы. Ахара идызҵаз днеины
ажьаҳәа аашьҭыхны абас дықәуеит: «Ари ауаҩ (ихьӡи ижәлеи ааидкыланы иҳәоит) ахара идуп ҳәа исҳәаз иашоуп. Аиаша сымҳәозар
Абыжь-ныха ршьашәы схы Аԥсынгьери инықәҵаны, абри Ажьа­
ҳәала иԥиҽааит!»1. Арҭ ажәақәа рышьҭахь Ажьаҳәала хынтә Аԥ­
сынгьери дасуеит. «Ахара зду» днеины ажьаҳәа аашьҭыхны: «Сара
иахьа иухароуп ҳәа лахь зласырҭо аус аҿы акгьы схараӡам. Исхаразар, Абжьныха-Шьашәы абри ажьаҳәала, Аԥсынгьери схы нықәкны,
схы схицҟьааит!». Уигьы ажьаҳәала хынтә Аԥсынгьери дасуеит.
2. Аимак ыҟаны, аха еимазкуа рхы ахьыдрыцқьаша Жьира ааи­
гәа иҟамзар, даҽа ритуалк мҩаԥыргон.

Уи амҩаԥгашьа. Наҟ-ааҟ аҵәқәа ҩба адырсуан. Аҵәқәа рыҩ­багьы
рҿы бџьарк, бџьарк рыҿқәа, ргәыцәқәа еизырханы икнар­ҳауан.
Аҵәқәа рыбжьара ашаҳаҭцәа еизаз неины ибжьагылон. Згәыцәқәа
еизхоу ашәақьқәа рыбжьара днеины дыбжьагылоит ахара здырҵаз.
Уи абас дықәуеит: «Исҳәо иашоуп. Амц сҳәозар, Шьашәы-Абыжьныха
абарҭ ашәақьқәа ирхоу ахы ахәшәқәа рыла схы аасхицҟьааит!».
Абарҭ ажәақәа наҳәаны ашәақьқәа рыбжьара дыбжьысуеит.
Ииашаны дқәу дымқәу дыршьас иамаз. «Мыцла иқәыз хара
имгакәа имц ихьӡоит», Шьашәы дахьирхәуеит рҳәон. Ахыхь бааԥсы
ҵигоит, деиҵахьҭшьуа ииарҭа даалахоит. Ахыхь изҭо Шьашәы
ижьаҳәала ихы дахьасуа ауп ҳәа агәра ргон. Ахыхь каимыршәыр,
иуацәа, иҭынхацәа даарыԥхьаны, «мыцла сқәит, ажьира сфит» ҳәа
реиҳәоит.
данқәуаз иҭаацәа иҟаз зегьы еиҭа иадгаланы – ажьи, ма аныҳәаҩ
«иҿыхра» иалагоит. Ажьи даагыланы Шьашәы диҳәоит «игаӡарала
ииҳәаз амц ианаижьырц» азы. Ианаижьыр, данбзиахалак ашьҭахь
ашьтәа ааганы ишизыршьуа азы рыбжьы ҭыганы ҿа ирҭон. «Ажьира зфаз» данбзиахалак, ажьираҿы иааны иныҳәаны ашьтәа ршьуеит, иршьыз ашьтәа хәҭа бзиак Ажьи изынрыжьуеит.
Ақәра иатәу амшқәа. Ақәра ҟалоит ахашеи ахәашеи. Ақәра
зынӡа иҟалаӡом аурычра ианыҵоу аамҭа зегьы аҩныҵҟа. Ақәра
аҟнытә аамҭала ихы дақәиҭыртәуеит «зцәа зтәым» аԥҳәыс дызмоу
ахаҵа. Иара диашаӡазаргьы дқәыр ҟалаӡом, иираны иҟоу «иаамҭа
ааиаанӡа диуеит» ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Алитература
1. Званба С.Т. Абхазские этнографические этюды. Сухуми, 1982, с. 35-37.

Ақәаб - ныҳәара
(Лақшәы- иԥацәа (Папцаа) рныҳәара)
Ақәаб-ныҳәара – Папцаа ирыжәлантәу, хықәкыла Лақшәы-иԥа­
цәа рабиԥара иаҵанакуа рныҳәара ауп.
Аныҳәара зыхҟьаз ачымазара ауп рҳәоит аиҳабыра иаҵана­куа
абиԥара иатәу.

Лақшәаа жьицәан. Лақшәы иԥацәа руаӡәк дахьжьиуаз акы
алашәан дычмазаҩхеит. Дахьҵааз, акы еилоугеит, аныҳәара аҭахуп
ҳәа иарҳәеит. Лақшәы инапала абҩа иалхны, қыжәк ажьы зкыша
ақәаб ҟаиҵеит. Убри ақәаб иҭоу шҭоу иахныҳәаны ауп аныҳәара
шымҩаԥырго.
Аныҳәара мҩаԥыргоит есышықәса. Шықәсык ашьтәа ршьуеит.
Знык «ашьха илбааз», даҽакала иуҳәозар, шықәсык иҭысыз, зан
иашьҭаланы аԥхын ашьха ҳәра ицаны иааз аџьма ҽша ршьуеит,
абҩатә қәаб илҭаҵаны иржәуеит, иахныҳәоит. Адырҩашықәсаны
абҩатә қәаб азна ачаҳаржә ашә агәылаҵаны иржәуеит, убри
иахныҳәоит.
Ианымҩаԥырго. Имҩаԥыргоит Хкаарчан, ҩашак азы. Аҩы
адыргалаӡом, ацхаӡҩа ауп изыхныҳәо, иҟоу зегьы ӡышхәысгьы
ир­жәуеит. Иныҳәоит шьыбжьон инахыҳәҳәоны. Иныҳәо иахьы­
мҩа­ԥырго аҭаацәараҿы зегьы иреиҳабу иоуп. Аныҳәара иалахәуп
Лақшәы иабиԥара иаҵанакуа ахацәа, аҳәса, хаҵа ицазгьы. Хаҵа
ицаз дцеижьҭеи шықәсык мҵыцзар рықҭымхә аларҵоит. Акәац
анжәлак, ақәаб ишҭоу хазы инадыргылоит, аныҳәаҩ агәи-агәаҵәеи
арасаҵәы иахаҵаны иарӷьа напаҿы иаанкыланы, иарма напала
ацхаӡҩа зҭоу аҵәца аашьҭыхны, дныҳәоит Шьашәы ихьӡала.
Иадыргало афатә: ашьтәа аныршьуа ашықәс азы – акәац,
абысҭа, аџьыкхыш, ацхаӡҩа; ачаҳаржә ала ианымҩаԥырго ашықәс
азы – ачаҳаржә, ацхаӡҩа.
Иахьымҩаԥырго: Лақшәы-иԥа Мачагәа иҭаацәараҿы. Дны­
ҳәоит аҭаацәара иреиҳабу. Абҩатә қәаб кнаҳауп иара абри аҭаа­
цәараҿы. Ақәаб рхы иадырхәоит «Ақәаб-ныҳәара» аны­мҩаԥырго
аан заҵәык. Абжьааԥны, даҽа уск азы, уи ахархәара ҟалаӡом. Ақәа­б
аныҳәара ашьҭахь иахьыкнырхыз инаганы икнарҳауеит.
Ақәаб-ныҳәара рымоуп Аҩарданаагьы (Кәыр-иԥацәагьы). Урҭ
рныҳәара иамоуп Ақәаб-ныҳәара анаҩсангьы даҽа хьӡык – «Баӷь­
ҵыс- Ԥааимбар». Аныҳәара аан иршьуа «ашьха илбааз, шықә­сык
зхыҵыз» абаӷь ауп. Егьирахь – амҩаԥгашьа зегьы еиԥшуп.
Алитература
1. Ахархәара аҭоуп Лақшәы-иԥа Чанҭа (Папцаа Лека) иҳәамҭа. Иа­
ныл­ҵеит Ц. Габниа. Уаҭҳара ақ.. 16.06.2018 ш. азы.

Ақәыџьма ахаԤыц аҿаҳәара
Ақәыџьма ахаԥыц аҿаҳәара – аԥсуаа абна илахаз арахә ақәы­
џьма, ма даҽа гыгшәыгк ирымфарц азы имҩаԥыргоз ари­туал ауп.
Аритуал анымҩаԥыргоз. Арахә аҩныҟа имхынҳәӡакәа, аб­
на­ҿы ианыԥхьарылоз акәын ари аритуал анымҩаԥыргоз. Рхы
иа­дырхәоит амаркатыл, ԥшь-шьапак зҵоу аҟәардә, ашашәа, ма
акасыжә хҵәаха. Ашашәа, ма акасыжә хҵәаха ала амаркатыл
аҿы ҿарҳәоит абас ҳәо: «Абри амаркатыл аҿы шҿасҳәо еиԥш уҿы
ҿасҳәоит сырахә абна илахаз ааигәа иҟоу ақәыџьма уҿы. Абри
амаркатыл уажәы акгьы азԥҟаӡом, акгьы азхҵәаӡом. Абас уаргьы
уцламҳәа еихаҿаҳәоуп, сырахә ԥырхага узаҭаӡом. Абри амаркатыл
ацқәа ԥсырҭлаанӡа, уаргьы уҿы ҿаҳәоуп, уц ҿаҳәоуп!».
Аритуал амаҭәахәқәа анеидыркыло дара рыхьыӡқәа рыбжьы
ҭыганы ирҳәар ҟалаӡом, ирымоу амагиатә мчра рцәыӡоит ҳәа
иԥхьаӡоуп. Зҿы ҿарҳәаз амаркатыл уаҩы ибла иҵамшәаратәы акы
иаҵаҵаны ирҵәахуан.
Арахә еибганы ихынҳәыр, ма адырҩаҽны аԥсы шҭоу иԥшааны
ирзаагар, усҟан амаркатыл аҿы ԥдыртуан. Аԥыртра иалагон абарҭ
ажәақәа ҳәо: «Шьҭа ухы уақәиҭуп, акрыфара азин умоуп!».
Амаркатыл ахаҭыԥан рхы ианадырхәоз ыҟан ԥшь-шьапак зҵаз
аҟәардә, ма ахҳәа. Аҟәардә ԥшь-шьапык аҵан агыгшәыг реиԥш,
ахҳәа ацқәа алашәага рыцқәа иреиԥшын. Убри азы ауп урҭ рхы
изадырхәо.
Раԥхьатәи аԥсуа школ ахьаартыз Оқәым ақыҭан иҟалаз ахҭыс
аӡбахә атәы иҳәоит аҵарауаҩ Г.Ф. Чурсин. Уи излеиҳәо ала,
ақыҭаҿы зны 120 уаса абна илахеит. Изтәыз аԥшәма иԥсаса рыхьчаразы ԥшь-шьапак зҵаз аҟәардә ашьапқәа ҿеиҳәеит. Анааша
аҭаацәа рыԥсаса абна агәҭаны ирыԥшааит. Урҭ ҭыԥк аҿы еилагылан. Рыгәҭа игылан ақәыџьмақәа хԥа. Аха ауасақәа зегьы еибган,
кьыс рымаӡамызт. Абас аԥсуаа агәра ргон иҟарҵоз аритуал амчра
шамаз.
Алитература
1. Чурсин Г.Ф. Материалы по этнографии Абхазии. Сухуми, 1956, с. 107-108.

Аҟанҷ – Анцәахә ду
Анцәахә ду Аҟанҷ – аҟанҷ рынцәахәы иоуп.
Аҟанҷ – абагәа ҟазҵо ахәацқәагьы ирыхьӡуп. Аԥсуаа ираа­ӡон, аха
издыло ажәлақәа шыҟоу еиԥш издымло ажәлақәагьы ыҟан. Издымло
ҳәа ирԥхьаӡоз ирааӡар ҟаломызт. Ааӡара рҽазыр­кыр, аҟанҷ абагәа
аҟаҵаразы акыдлара ралагамҭазы адыд-мацәыс их­ҭанакуан,
аҽарцәгьон, ианыкшозгьы ыҟан рҳәоит.
Г.Ф. Чурсин излазгәеиҭоз ала, Аԥсны аԥсабара аҟанҷ ааӡара
иазшан. Аха аԥсуаа рацәак еилаҳауамызт, аҟанҷ ааӡара аарҩара
ацуп, аарыхра иаԥырхагахоит, иазнарҳаӡом, иԥхасҭанатәуеит
ҳәа ирыԥхьаӡон. Уи акәым, аҵыхәтәантәи Аԥсны аҳ Михаил
Чачба (Шервашиӡе) идикылахьан аҟанҷ ааӡара ҟалом ҳәа зҳәоз
ақәҵара.
Аҭагылазаашьа ус ишыҟаз атәы шьақәирӷәӷәоит Аԥсны ныҟәара
ҳәа иааны иҟаз А. Миллергьы: «Аҟанҷааӡара акәзар, Аԥсны уи
ааӡара ианакәызаалак иеилаҳауамызт, уи зыхҟьаз аҟанҷ зааӡо
ақыҭақәа «ақәа рымихуеит ҳазшаз» ҳәа ауаа агәрагара ахьрымаз
акәын», – иҩуан иара.
Аԥсуаа изларҳәо ала, 1922 шықәсазы Гәдоуҭа араион иҟалеит
аар­ҩара бааԥсы. Аарҩара зыхҟьаз Гәдоуҭаа Анцәа игәамԥхоз ахьы­
ҟарҵаз азоуп ҳәа азыԥхьаӡаны, ааӡаразы ирырҭаз аҟанҷ хәыцқәа
ганы рывара ицоз аӡқәа ирхырԥсалеит.
Ажәлар аҟанҷ ааӡара Анцәа игәамԥхо усуп, убри аҟнытә иныр­
ҵәатәуп, иқәхтәуп ҳәа ирыԥхьаӡон.
Аҟанҷ хәыцқәа ицқьам нцәахшароуп ҳәа аԥсуаа ишырыԥхьа­
ӡоз уазҳәо аҭагылазаашьақәа убоит аԥсуа иԥсҭазаара акыр
уашь­клаԥшыр. Акы – аҟанҷ зааӡо аԥҳәыс иахьынӡалааӡо акәты­
ча­ԥара дахаҵгылар ҟалаӡомызт, дыцқьаӡам ҳәа дрыԥхьаӡон.
Ҩба­гьы – аҟанҷ аҩны иахьынӡарааӡоз, асас иааиуа рхатәы кәты
изыр­шьӡомызт, агәыла кәты ааганы акәын пату шиқәырҵоз.
Абагәа аҳәынҭқарра ианаларгалалак ашьҭахь, аҩнқәа рҿы ирымаз аԥсаатә зегьы ицқьахоит ҳәа жәамш, мызкы инареиҳаны
иҭаркуан.
XX ашәышықәса, аҩажәатәи ашықәсақәа рзы Аԥсны аҟанҷ
рааӡон. Аҳәынҭқарра иҟанаҵоз адҵала ҭаацәацыԥхьаӡа аҟанҷ

ааӡара рыдырҵон. Изааӡар ҟамлоз аҭаацәарақәа аҟанҷ ааӡара
анрықәшәалак, Елыр аныхаҿы ицаны, Гьаргь Аԥшьа «изы иаҳгеит»
ҳәа абырфын рахәыцқәа наганы иамҵарҵон.
Акыр инаскьахьоу аамҭақәа раан аԥсуаа дрыман Анцәахәду
Аҟанҷ ҳәа изышьҭаз, ихьӡала аныҳәарагьы мҩаԥыргон.
Аныҳәара мҩаԥыргон аҟанҷ ахьырааӡоз аҭыԥ аҿы. Аҟанҷ ркыдлара аламҭалазы, акәакәарқәа жәны, асаан ианҵаны аҭаацәара
иреиҳабу аԥҳәысцқьа даарылагыланы дныҳәон. «Аҟанҷ рынцәахә
ду! Ҳаиҳабацәа ишыҟарҵоз, ҳара ишаҳдырбаз еиԥш абра ҳум­
ҵаныҳәоит ҳкәакәарқәа жәны. Ҳуҳәоит, ҳҟанҷ абагәа бзиа ҟар­
ҵаратәы амш бзиа рзылԥха, адыд-мацәыс хара ирҟәыга!» – ҳәа
акәа­кәарқәа руак лнапы иаркны ажәҩан иарбо дныҳәон. Нас уа
дыш­гылоу иара лфон.
Аҟанҷ ааӡара иацын ашьара, аӡарақәа. Ахәы ҳәа ирырҭоз
амжәабӷь акәын. Рхылаԥшра знапы ианыз аԥҳәыс лакәын, ахаҵа
уахь днеиӡомызт. Ахәы рызҭоз, аҟанҷ андухалак, еиҳарак, лыбжьы ҭганы дцәажәаӡомызт, дыцәҳар, дгәамҵыр ҟаломызт – аҟанҷ
ркыдлара иаԥырхагахоит, еиҵанархоит ҳәа иԥхьаӡан.
Ашьарақәа ируакын аҳәынаԥқәа, аҵарақәа, амаҭ рыхьӡ амҳәара.
Урҭ убжьы ҭганы, рыхьӡ ҭкааны иуҳәар индырҵәоит, иааины ирылалоит ҳәа ирыԥхьаӡон.
Убри аҟнытә урҭ рыхьыӡқәа ршьон, ахьыӡ ҷыдақәа рырҭон:
аҳәынаԥ – аҵхәыҩры ахьӡын; амаҭ – аҳәаза; аҵарақәа – аԥырқәа.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Амифи аритуали - 05
  • Büleklär
  • Амифи аритуали - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3580
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3614
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2145
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3642
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2095
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3614
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3626
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3670
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3629
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2152
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3610
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2027
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3551
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2028
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3600
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2178
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3603
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2191
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3565
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2164
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3578
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3672
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3649
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2372
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3599
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2081
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Амифи аритуали - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3028
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1914
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.