LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Амифи аритуали - 03
Süzlärneñ gomumi sanı 3642
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2095
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
аҟнытә Аԥсны адгьылҵакыраҿы бзыԥтәи аганахь иҟоу ақыҭақәа
– Хәаԥ, Џьырхәа, Лыхны, Жәандәырԥшь, Аҷандара, Мгәыӡырхәа,
Аԥцхәы рҿы зегьы раасҭа аӡахәа анаалон, насгьы уаҟа ажь хкы
рацәала иҿион ҳәа еснагь ирыԥхьаӡон. Уаҟа иҭарҭәон зхаҭабзиара
ҳаракыз, зыԥштәы бзиаз, зҿыжәра маншәалаз аҩы џьбарақәа.
Ажь жәла бзиақәа уԥылон Аҟәа араион иадыз ақыҭақәа Ҵабали
Абжьаҟәеи рҿы, иара убас Уачамчыра ақыҭақәа Ҷлоуи, Џьгьардеи,
Бақьҟани рыҿгьы.6
Аӡахәа иԥшьоуп ҳәа ирыԥхьаӡон азы, аԥсуаа рхы иадырхәон
еиуеиԥшымыз ақьабзқәа рымҩаԥгара аан. Абас ауаҩы иҩнуҵҟа
ихьаауа даналагалак, ԥшьашак аҽны, аҭаацәа реиҳабы амрагыларахь иҿы нарханы, амра бзиа ианыҩагылалак, ачымазаҩ дыбзиахар «ашьа каҭәаны ҳашныҳәо» ҳәа ачымазара анцәахәы ихьӡала
аҿаҭахьа ҟаиҵон. Исҳәо шынасыгӡо ҳәа аӡахәарқьақьа наганы,
ачымазаҩ хынтә ихы иакәырхшаны, аҩцараҿы иганы иҵәахуан7.
Уи уа иҵәахызаауан ачымазаҩ игәы бзиахаанӡа. Игәы анаабзиахалак, аџьмашьтәа шьны ачымазара анцәахәы ихьӡала иныҳәон.
Аныҳәара ашьҭахь, аӡахәарқьақьа адәылгара азин рыман, аҩныҟа
иааганы, ауаҩы ила иахьабаша икнарҳауан.
Аӡахәа шасыс рхы иадырхәон абжьыуаа рҿы, еиҳарак Шамаа
рыжәла иатәыз. «Аӡәы ихы ихьуа даналагалак, аԥшҩы ирабжьалгон аижәлантә ныҳәара ҟашәҵа ҳәа». Аԥшәма ажь шкәакәа
зҿало аӡахәа рқьақьаны иҟаиҵон, уи нас инапаҿы иаанкыланы аҿаҭахьа ҟаиҵон «ачымазаҩ дыбзиахар ашьтәа шысшьуа»
ҳәа. Аҿаҭахьа аныҟаиҵалак ашьҭахь, иику аӡахәарқьақьа «аҩны
аҩныҵҟа аҭӡаҿы икнеиҳауан»8. Уинахыс ашьтәа аныршьлак
ҟалон, аҽҳәара алкааны иадырбаӡомызт.Ашьтәа ршьуан дасу ианилшоз, ианизыманшәалаз.
Аӡахәа аӡбахә ҳԥылоит ашәиратә формулақәа рҟынгьы. Аԥсуа
иӷәӷәаны дзыргәааз «Аӡахәа ухарҵааит!» ҳәа дишәиуеит.
Аӡахәа аӡбахә ҳԥылоит Нарҭаа репос асиужетқәа рҟынгьы.
Аԥсуа мифқәа изларҳәо ала Аԥсны аӡахәа ықәызгалаз Нарҭаа
роуп. Нарҭаа Адоуцәа ӷацәас ирыԥхьаӡон азы, лассы-лассы афи
амацәыси рыманы ицаны ирықәлон. Нарҭаа ирдыруан Адоуцәа
ашәыр хкқәа зегьы шрымаз. «Аӡахәа акәзар, уи ҵҩа змамыз
ыҟан»9. Нарҭаа Адоуцәа ирабашьны шәырс ирымаз зегьы рыхкы
ааганы ртәылаҿы еиҭарҳаит. Абас адоуцәа ирыцәганы Аԥсныҟа
иааргеит аӡахәагьы.
Аӡахәа иҿало ажь аҩы алхны аҭаҭәара Нарҭ Хнышь ихьӡ иад
ҳәалоуп. Нарҭаа рҩы аҳаԥшьақәа ирҭарҭәон. «Нарҭаа рҳаԥшьақәа
цәгьа аҩы рҭабзиахон, аҵаҵындра фҩы ахышәшәо акәын урҭ
рыҩқәа шыҟаз. Уи акәым, Нарҭаа рҳаԥшьақәа ирыман рхатәы
хьыӡқәа: Ҩаӡамкьаҭ, Хьамхәа, Аҩаӡакьаҭ, Агӡакьаҭ»10. Зегьы иреи
ҳан Ҩаӡамкьаҭ. «Ҩаӡамкьаҭ, Нарҭаа рӡаагага ԥҳалқәа рыла, 600
ԥҳал акуан».
Аҳаԥшьақәа рҷыда ҟазшьақәа.
Аҳаԥшьақәа рхаҭақәагьы амагиатә мчы рыман. Нарҭаа ирызку аҳәамҭақәа рҿы аҩы иадҳәалоу ахҭысқәа еиуеиԥшым аамҭақәа
рныԥшуеит. Еиҳа ижәытәӡоу аҳәамҭақәа рҿы аӡахәа, аӡахәа
иҿало ажь, ажь иалҵуа аҩы рымацара ракәӡамызт иԥшьоуп ҳәа
ирԥхьаӡоз. Аҩы зҭарҭәоз аҳаԥшьақәагьы амчра дуӡӡа рыманы
иаарԥшуп. Нарҭаа рҳаԥшьақәа ирхагыланы иқәуан. Еиҳарак амчра дуун Ҩаӡамкьаҭ. «Ҩаӡамкьаҭ инахагыланы иқәыз ииҳәаз
неигӡар акәын, ус дара ҵасс ирыман»11. Инахагыланы ишәиир,
рышәиԥхьыӡ наӡон. Нарҭаа рхаҭақәа рҳаԥшьақәа доҳала ироуз
ракәны иахәаԥшуан. Урҭ ирҭарҭәоз аҩқәа нҵәара рықәӡамызт,
шаҟа ахырхуаз аҟара еиҭацлон.
«Аҳаԥшьа иҭоу аҩы нҵәара ақәым» ҳәа иахьагьы ажәлар ражәа
иалоуп. Нҵәара зқәым ҳәа ирԥхьаӡо аҩы зҭоу аижәлантәқәа,
аҭаацәарақәа рныҳәарақәа раан ихдыртуа аҳаԥшьақәа ирҭоу аҩы
ауп. Аԥсуаа изларҳәо ала, абас иузыҵоу аҳаԥшьа иҭоу аҩы шаҟа
ахыухуа аҟара еиҭа шҭало атәы аартны аӡәы иоуҳәар ҟалаӡом. Знык
иуамхаҳәар, уи иамаз аҟазшьа ҷыда канажьуеит, «аҽаҵәахуеит».
«Абас зны хаҵак асасцәа изааит. Зны иара дцан, рыҩцараҿы иҵаз
аҳаԥшьа иҭаз аҩы аирыӡ азна аахыхны иааигит. Аҩынтә раан
аԥшәма ԥҳәыс дишьҭит. Уи дцан аирыӡ азна аалгит. Иржәит. Аирыӡ
анҭацәы, иаашьҭылхын деиҭацеит. Аҳаԥшьа ахҩа ҩахылхзар,
ихахәхәала иҭәны игылоуп. Уамашәа илбит. Дааин, лхаҵа илбаз
атәы иалҳәит. «Ҳаи, бара, изыбҳәеи! Шьҭа бнеии, иҟоу ббап!» –
иҳәит. Днеизар, аҳаԥшьа ҭыкка иҟан, кәаракгьы ҭамызт»12.
Аԥсуаа аҳаԥшьа иалшоит аиаша ашьақәыргылара ҳәа ирыԥ
хьаӡон.
Абас Нарҭаа аишьцәа зегь реиҳа ахаҵара ҟазҵаз иеилкааразы
инеины Ҩаӡамкьаҭ иахагыланы дасу рхаҵарақәа еиҭарҳәон. Еиҳа
ахаҵара ҟазҵаз ихаҵарақәа реиҭаҳәара даналагалак, иҭаз аҩы аилашыра иалагон.Ифырхаҵарақәа зегьы реиҭаҳәара данаалгалак,
аҩы агәарақәа ишны илеиқәҭәон. Егьырҭ раан аҩы ус иҟәызгаӡа
иҭатәан12.
Аҳаԥшьа иҭоу аҩы ашҳам алаҭәаргьы ихәарҭаны иҟанаҵоит.
Абас Нарҭаа рҳаԥшьақәа иреиҳаз Ҩаӡамкьаҭ иҭаз аҩы амаҭ
аԥшь ххны иаларԥсон. Аԥсуаа амаҭаԥшь зышҳам акыр иӷәӷәоу
маҭны ирыԥхьаӡоит. Аҳаԥшьа иҭаз аҩи иара аҳаԥшьа ахаҭеи уи
ашҳам хҽны Нарҭаа ианыржәлак, «ршьамхы рыҵԥраауа», ргәамч
еиҳагьы иацланы иҟарҵон.
Нарҭаа ирызку аҳәамҭақәа рҿы хьыӡҳәала иарбоуп рҳаԥшьақәа
ахьыҵаз аҭыԥқәа – Клыхәра акаҵәара, Наҳар акаҵәара.
Аԥсуаа Анцәа еидикылоз Анцәахәқәа разхаҵара рытрадициатә
культура иахәҭакны ианыҟала нахыс, аҳаԥшьақәеи, дара ирҭарҭәоз
аҩқәеи еиҳагьы ҳаҭыр рықәырҵо иалагеит, даргьы рфункциақәа
ирыцлеит. Аҳаԥшьақәа уажәшьҭа иҵарҵо иалагеит Анцәахәқәа
аӡәырҩы рыхьӡала, иара убас дасу рныхақәа зегьы рыхьӡала.Урҭ
ианрымҵаныҳәоз изыхныҳәоз аҩгьы Аҳаԥшьаҩы акәын.Уи атрадициа иахьагьы аԥсуаа рҿы иаанханы иҟоуп.
Аныҳәарақәеи Аныхақәеи рыхьӡала иҵарҵоз аҳаԥшьақәа дара
аныҳәарақәа раан ада ихдыртлар ҟалаӡомызт, иара убас ирҭиир
гьы. Аҭира акәым, исҭип ҳәа азхәыцра «ҵасым, Анцәа иуџьишьом»
ҳәа иԥхьаӡан.
Аԥсуаа зегьы Анцәа ихьӡала иреиӷьӡоу аҩқәа ҟарҵон.Урҭ
аҩқәа ҭарҭәарц азы рыҩцарақәа рҿы иҵарҵон аҳаԥшьа ҷыдақәа.
Аҳаԥшьа ахаҭа ажәыр, ма џьара иҷар усҟан иуԥсахыр ҟалон. Из
лауԥсахуа уаанӡа иҵаз аасҭа еиӷьзар акәын, иеиҳазар акәын, насгьы анышәаԥшь бзиа иалхзар акәын13.
«Аҳаԥшьа иҭарҭәоз аҩы цқьазар акәын. Аӡы, ма даҽа гызмалрак
адугалар ҟаломызт. Аԥсуаа зегьы уи рдыруан.Убри азы ауп иара
аҳаԥшьа иҭаз аҩы афҩы хааӡа изыҟаз. Уи аҩы изжәыз ихы инархьуамызт, игәы инархьуамызт, деихкка дҟанаҵон акәымзар»14.
Аҳаԥшьа иҭоу аҩы аҟазшьақәа.
Аҳаԥшьа иҭоу аҩы раԥхьатәи агьама аԥсахӡом. Аԥхын агәазы,
ашоура каццеиуа ианыҟоу, иара хьшәашәаӡа иҭоуп. Аӡын анҵаарҷ
ҷоз, аҳаԥшьа-ҩы ажәра бзианы, иҟәандоума уҳәо аҽыҟанаҵон.
Аҳаԥшьа иҭоу аҩы даҽа ҩык алоуҭәар ҟалаӡом. Акы – уи ҵасым,
ҩбагьы, иаланаргылаӡом, изжәыз дарчымазаҩыр алшоит. Аҳаԥ
шьа иҭоу аҩы анхуртло уныҳәоит. Знык ианхдыртлак, ахҩа уаҳа
ирчаԥомызт, аӡахәа абӷьы, ма аҭырас ҿа ала ихырҩон акәымзар.
Ихырымҩаргьы ҟалон, уахь амҵгьы, акәыбыргьы неиӡомызт. Аҩы
иачычоу амаҭцәҟьа хара иаҩсуан. Аҳаԥшьа ахылаԥшҩы даман, амч
ҷыда ааигәа иҟан15.
Аӡахәа иҿало ажь иалырхуеит аҩы, ажьырӡы, арыжәтә џьбара,
аӡрыжәтә хаа хкқәа.
Аҩы.
Аԥсуаа рныҳәарақәа зегьы рҿы аҩы акәын изыхныҳәоз жәытә
натә аахысгьы, иахьагьы ус ауп ишыҟоу. Ашьтәа агәи-агәаҵәеи
маҷк-маҷк рссаны иаарымхны, аҩы нақәҭәаны, ашьтәа ззыршьыз
ихьӡала иныҳәаны, аҭыԥ ҷыдаҿы иқәырҵоит.
Аԥсуа исасдкылараҿы аныҳәаҿақәа ркуеит аҩы зҭоу аҵәца кны.
Еиҳарак пату ақәуп аҩеиқәаҵәа.
Аԥсуа традициатә культураҿы аҩбзиа злыҵуа ҳәа иԥхьаӡан
аԥсуажь хкқәа Акаҷыҷи Амлахәи. Урҭ Гәдоуҭатәи аҩқәа ҳәагьы
ирышьҭан. Арҭ ажь хкқәа ирылҵуаз аҩқәа ргьама бзиан, рыфҩы
хаан. Рыхьӡ Аԥсны анҭыҵгьы инаҩхьан16.
Аԥсуаа аӡахәа аҵла иақәырҵон. Аҵлақәа зегьы аӡахәа рнаа
лаӡом, зегьы раасҭа изнаало ал ауп ҳәа ирыԥхьаӡон. Ал иқәыз
аӡахәа иҿалоз ажь зегьы раасҭа ихаауп, зегьы раасҭа еиқәаҵәахоит,
излахоит, афаразгьы ибзиоуп, зеӷьаҟам аҩы алҵуеит ҳәа иршьон.
Ал инамҷыданы, аӡахәа знаало ракәны иԥхьаӡан амжәаҵла,
ахәырмасса, ацаҵла, ахьаца. Аԥсуаа алра ааӡаны ирыман, ианеинылалак аӡахәа рықәырҵон, ишааиуа зымҽхак ҭбаау қәаҵаны
иҟалон. Ақәаҵа ҳәа аԥсуаа ашьҭан аӡахәа зқәыз алра еиуыжь.
Ақәаҵа хыркааӡомызт, изтәыз дырдыруан, амҩахәасҭақәа иалсны
ицоз ауаа анын, аха жьҭаан алқәа ирықәыз аӡахәақәа ирҿаз ажь
афҩы лаҳалаҳуа ишгозгьы, аӡәгьы далакьысӡомызт.
Ажь рҭаауан афҩы хааӡа харантәы уԥынҵа иҭасуа ианыҟалалак.
Ажь шьҭа ишәит, иҟалеит рҳәон усҟан.
Аԥсны аҵлақәа ирықәырҵоз аӡахәа шәпан. Ианажәлак ажь
маҷны иҿало иалагон. Усҟан аӡахәа абжарак аҟынӡа иаахҵәаны
еихарҳауан. Хышықәса рышьҭахь ажь ҿало иалагон.
Аӡахәа есааԥынра еилырхуан, иҩаны иҟоу амахәқәа хырҵәон,
ашьапы рпны, ауац акәыршаны ишьҭарҵон рҵәыгак аҳасабала.
Аӡахәа аҵла иахьақәырҵоз еиҳагьы иазеиӷьын. Амра ашәахәақәа
ирыбзоураны, ажь иахәҭаз аԥхара аиуан, аҳауа цқьа алашәшәон.
Урҭқәа зегьы ажь ахаҭабзиара аздырҳауан17.
Аԥсны изызҳауаз ажь хкқәа 19 ашәышықәсазы рхыԥхьаӡара 60
еиҳан. Реилазаараҿы иҟан: Акаҷыҷ, Амлахә, Аҵысыжь, Ажьшәыга,
Ацхажь, Аҳардан, Ажьӷра, Ахьажьажь, Ажьчара, Аԥсуажь, Ачалыжь
уб. ир.
Амлахәи Ачалыжьи афаразы ихазыноуп, аҩ бзиаӡа рылҵуеит.
Ажьымжәа ажьыргәыцқәа акыр еизыхәхәоуп, иҟәазуп, рцәа ҵа
ӷоуп, иҭәуп. Излоуп, ихаауп19.
Аҩы ԥхасҭамхарц азы иҟарҵоз.
Аҳаԥшьа иҭоу аҩы ԥхасҭахаӡом ҳәа иԥхьаӡан. Зегьы иреиӷьуп
ҳәа иԥхьаӡан анышәаԥшь иалхыз, амаақәа змамыз аҳаԥшьақәа.
Аԥсуаа урҭ акыцқәа ҳәагьы ирышьҭоуп. Анышәаԥшь ӡны аҭыԥантәи
аҟазацәа акыцқәа рылырхуан. Урҭ хԥа-ԥшьба метра адгьыл жны
иҵарҵон.Аҩы анҭарҭәалак, аҳаԥшьақәа рыхқәа амҿтәы хҩақәа
рхарҵон. Ахҩақәа анышәаԥшь ала ирчаԥон. Ас аҩы ҵәахышьа
аформа акырӡа ижәытәуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Насгьы абырзенцәа ус
аҩыҵәахышьа аԥсуаа роуп изҿырҵааз ҳәа азгәарҭахьан Аԥсны
изныкымкәа иаҭаахьаз аҵарауаа20.
Аҩы зҭарҭәоз аҳаԥшьақәа еиԥшӡамызт. Аныҳәарақәа ирызкыз
аҳаԥшьақәа еиҳа рышәагаа маҷын. Егьырҭ иреиҳаӡоу 300-800 ԥҳал
ҭаӡон. Аетнолог Аџьынџьал И.А. Бедиа ақыҭаҿы диҭан аҩ бзиа
ҭазҭәо ҳәа ирԥхьаӡоз Гыд Џьынџьолиа. Анхаҩы изыҵан 300 уедра
зкуаз аҳаԥшьа. Аԥшәма аҳаԥшьа анирыцқьоз амардуан ҭаргыланы
акәын аҵахь дшылбаауаз. Лыхны инхоз Чыгды Сангәлиа изгылан
800 уедра зҭаӡоз абочка21.
Аӡахәа иалырхуаз.
Аӡахәа, хымԥада, изырааӡоз иҿалоз ажь азы акәын. Аха аԥсуаа
рхы иадырхәон аӡахәа иҿалоз абыӷьқәагьы.
Аӡахәабӷьы апарпыл, ахәыл, аҿыркәа, анаша уҳәа иандырҵәуа
изладырҵәуа аӡы иаларҵоит акыраамҭа иԥхасҭамхарц азы.
Аӡахәабӷьы. Ахәдахьаа ахәшәтәуеит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Хԥаԥшьа бӷьы х-ҵәыцак аӡы наҵаҭәаны агәараҳәа идыршуеит. Амца
инахыргоит. Ашыра анцалак, аарла иҟәандаӡа ианыҟалалак, ҽнак
хынтә-ԥшьынтә рыхәда иҭдыршоит. Амала ахәда шәны иҟазар уи
аҭыршара ҟалаӡом, ахьаа иацнаҵоит.
Амгәа анеиласлак. Ажьбӷьы амгәа анеиласлак иршны иужәыр
уеиҿанакуеит. Амала уи ыжәтәуп акрыфаншьҭахь.
Ахьҭа улнацоит. Аӡахәабӷьы ршны лассы-лассы иужәлар, ахьҭа
уцәа иалазар иулнацоит.
Аҩы. Аҩы мыцхәы ауаҩы дархагоит. Аха «ақәнага ауаҩы дахә
шәтәуеит» рҳәоит аԥсуаа. Аҩы мыцхәы изжәыз дархаго иҟалеит
Нарҭаа рышәиԥхьыӡ иахҟьаны ҳәа рҳәоит аԥсуаа. Аӡахәа адоуцәа
ирыцәганы иааргеит, аха аиҭаҳара ианалага, «иахьеиҭарҳауаз аҭыԥ
рзеимакырҭахеит. Убри иахҟьаны даара агәынхарақәагьы рыбжьалт. Ас ианеимактәха, Цәыцә дшәиит: – Аҩы уаҩы ицәа иҭамӡо
еиԥш амцхә зжәуа Сасрыҟәа игәаашьала даргәаалааит, қәнагала
изжәуа сара сшаргәырӷьо еиԥш даргәырӷьалааит! – ҳәа».
Аҩы – шьоуп. Есыҽны 10-20 грамм аҩеиқәаҵәа ауаҩы ижәлар,
ишьа цқьахоит, имч азҳауеит.
Ахәдарчы, ачыҟә змоу ауаа, ус аԥсуаа ирышьҭоуп аиод ззымхо, аԥхынра 10 граммк аҩеиқәаҵәа цқьа рыжәлар, амра ашыра
рԥырхагахаӡом ҳәа иԥхьаӡоуп.
Амра ашыраҿы ирацәаны аус зуа ауаа, есыҽны маҷк адамхаргьы аҩеиқәаҵәа рыжәлар амра иабылӡом. Акьыба чымазара зхызгаз, зцәа иалаз, иаиааиз, еиҳараӡак аԥхынразы аҩеиқәаҵәа маҷк
есыҽны ижәлар даара изеиӷьуп, уи амра ашәахәа аӷьра аҟнытә
ицәеи-ижьи ахьчоит.
Ауаҩы игәабзиаразы ихәо ашьақар змам аҩы ауп.
Аҩызла. Аҩы знык ианырхәалак ашьҭахь иаҵырхуа аҩызла
ахәыҷқәагьы ирзеиӷьуп, еиҳарак рхәыҷра ашықәсақәа ааныжьны ахбыџхара ианалаго аамҭазы. Уи рыжәлар бзиоуп ршьа аила
заараҿы аиха анмаҷу.
Аҩы ашоура артәоит. Ауаҩы ишоура шьҭыҵны, ахьҭшьра далагар, аҩы ршны идыржәуан ахьҭа илнацоит ҳәа.
Абжьеи. Аҩы акыраамҭа ихтны ианаанхалак иҵәыҵәуеит. Ус
ҟан уи «бжьеихеит» рҳәоит аԥсуаа. Абжьеи арҵәы ирласны иҵә
разы, насгьы арҵәаӡы ԥхасҭамхарц азы иаларҭәоит.
Аӡӷабцәа рыхцәы анырыҽҽо аилыҵра бзиахоит, аҳәара мариахоит, ахцәы ахаҭа цырцыруа иҟанаҵоит ҳәа абжьеи алдыршоит.
Абжьеи амцашоура артәоит.
Ахәыҷқәа, адуцәа рымцашоура 39 градус ианхалалак, ашоура ирласны артәаразы абжьеи, аӡи ауаткеи маҷк алаҭәаны, иаа
цәырԥханы ихәда илаҵакны иахьыршьуеит, акасыжә илшьны ихы
иақәырҵоит, ишьапсаргәыҵа иадырҵоит, ишьҭахь иҟәаҟәа иахьыршьуеит. Иқәырҵаз бацыԥхьаӡа ҿыц ирбааӡаны еиҭақәырҵоит.
Ус иҟаҵалатәуп имцашоура 38 градус илеиаанӡа.
Аџьаӷь. Ажь хәаны аҩы анаҵырхлак иаанхо Аџьаӷь ҳәа иашь
ҭоуп. Аџьаӷь ршны арыжәтә џьбара, ауатка алырхуеит. Уи Аџьа
ӷьуатка ахьӡуп.
Аџьаӷьуатка. Аџьаӷьуатка есышьыжь акруфаанӡа 50 грамм
ажәра агәабзиаразы даара ибзиоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Акы – акрыфара
угәанарԥхоит, ҩбагьы – уҩныҵҟа уарыцқьоит.
Умгәа еиласзар аџьаӷьуатка х-ҿамҩак ужәыр, уккаӡа уааилныргоит.
Уцәеи ужьи ахьхәахәаз иахьушьыр, ашәытара анхалаӡом. Аха
ԥыц иҵурԥхьар, ахаԥыц хьаа тәоит.
Ушьапы кыдҟьар, ицәҟьар аџьаӷьуаткала иҿуӡәӡәаар, ихҭәа
сааӡом. Ихҭәасааз аҭәа анҭухлак, аџьаӷьуаҭка ақәуҭәар уа аҽеи
қәнакуеит.
Ахәра акәша-мыкәша иалаҿуӡәӡәаар, аӷьара мариахоит.
Аџьаӷьуаткала еиҵоуҵаз ахәшә ԥхасҭахаӡом, амчра иацлоит.
Аԥсуа асас диҭаар, ихәы ишахәҭоу идырхиаанӡа аџьаӷьуатка
цәырыргоит. Ҩба-хԥа фырџьан ржәуеит хыжәлас араса, ахәырмар
ҩа, акакан, ашә ххы адгаланы. Уи аритуал «афырџьанкра» ахьӡуп.
Ажәытәан аахыс ажь иалырхуа аҩқәа иреиуоуп: ахаҵа ҩы –
аҩыџьбара; аԥҳәыс ҩы – ажь ҵәыҵәаанӡа иаҵырхуа аҩызла; аҩ
ҷахьа – акыр иҵәыҵәу, аха ашьақар змам.
Ажьырӡы. Ажь еиқәаҵәа аӡы алаҭәаны иҟарҵон иџьбарамыз
арыжәтә Ажьырӡы захьӡыз. Ажьырӡы ржәуан хәыҷи-дуи зегьы.
Рацәак изламызт, аха иагьыҵәыҵәӡамызт, ажәра бзиан. Иржәуан
еиҳарак аԥхын аншоураз.
Ажь шкәакәа иалхны иҟарҵон арыжәтә Ахмарҵыз. Аҩныҵҟа
ахьаа змаз иржәыр ирыхәоит ҳәа иԥхьаӡан22.
Ажь знык ианырхәалак, иҵәыҵәны аҩы ахь ииасаанӡа иаҵыр
хуаз излаӡа иҟан.Уи хазы иҟаз аҳаԥшьа иҭарҭәон, ақалмышь алыр-
хуан. Акакан цырақәеи араса цырақәеи рыла арыԥхрақәа ҟарҵон.
Арыԥхрақәа ақалмышь иӡаашьны ашьашәыр аҿы икнарҳауан. Уи
иалҵуан аџьынџьыхәа ссирқәа.
Аиаҳәа. Ажь анырҭаалак аиаҳәа дуқәа рҿы иҭарҵон. Иреиӷьӡоу
аиаҳәақәа злыҵуаз иреиуан аҭәаҵлеи ашәҵлеи. Аиаҳәақәа аԥс
ҭақәа рҿы ицаны иҟарҵон. Ауаа зегьы ирзыҟаҵаӡомызт аиаҳәақәа.
Уи зылшоз аҟазацәа, знапы бзиаз ауасҭацәа ракәын. Аԥсны иҟан
еицырдыруаз аиаҳәа ҟаҵацәа. Урҭ дреиуан Гәдоуҭа араион, Уаҭҳара
ақыҭа иатәыз аҳабла Гарԥ инхоз Ҵаӷьтыр-иԥа (Ԥлиа) Хәсин. Иара
ихҳәаау аҳәамҭақәа рацәоуп. Урҭ ирҳәоит уи даара иҟәышыз, алаф
бзианы изҳәоз аӡәы шиакәыз атәы.
Абас Хәсин зны аԥсҭа дҭан, аиаҳәа ҟаиҵон. Ирҳәоит уи иҟаи
ҵоз аиаҳәа 800 ԥҳал аҩы ҭыҵуан ҳәа. Аиаҳәақәа, иара еиҳараӡак,
аҭәаҵла акәын излихуаз. Аиаҳәа аҩныҵҟа дҭаланы ишҭицәаауаз,
ишыҟалах здыруада, аиаҳәа ааҳәын ихы иҭаԥеит. Хаха-хымш еихала иҵижаауан рҳәит, аԥшьымш рзы дхәыҵыҵит23. Уи џьашьаны
ауаа алацәажәон, ишааиуаз иажәабжьны иаанхеит.
Аӡахәа иҿало ажь шәаанӡа ииаҵәаӡа иҟоуп. Уи акәыхь ҳәа
иашьҭоуп. Аԥсуаа акәыхь иалхны иҟарҵон Акәыхь сызбал.
Алитература
1. Бигуаа В.Л. Виноградарство // Абхазы. Отв. редакторы: Ю.Д. Анчабадзе, Ю.Г. Аргун. Москва, Наука, 2012, с. 130.
2. Иара уа, ад. 130.
3. Иҳәамҭоуп Габниа Смел. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ., Февраль мза 23, 1988 ш. азы.
4. Каландадзе А.Н. Археологические памятники Сухумской горы. Сухуми, 1954, с. 82.
5. Инал-ипа Ш.Д. Абхазы. Историко-этнографические очерки. Сухуми, 1965, с. 246.
6. Инал-ипа Ш.Д., Смыр Г.В., Чанба Р.К. Земледелие и скотоводство у
абхазов. Тбилиси, 1986, с. 31.
7. Шиллинг Е.М. Абхазы // Религиозные верования народов СССР. М.,
Л., 1931, т. 2, с.67.
8. Акаба Л.Х. Исторические корни архаических ритуалов абхазов. Сухуми, 1984, с. 65-66.
9. Нарҭ Сасрыҟәеи ԥшьынҩажәи зежәҩык иара иашьцәеи. Еиқә.:
Инал-ипа Ш.Д., Шьаҟрыл К.С., Шьынқәба В.В. Аҟәа, 1962, ад. 239.
10. Иара уа, ад. 242
11. Джанашиа Н.С. Статьи по этнографии Абхазии. Сухуми, 1960, с. 37.
12. Иҳәамҭоуп Чкотуа Дикран. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
1995 ш. азы.
13. Джанашиа Н.С. Указ. раб., с. 37.
14. Иҳәамҭоуп Чкотуа Дикран. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
1995 ш. азы.
15. Иҳәамҭоуп Чкотуа Дикран. Ианылҵеит Ц. Габниа. Џьырхәа ақ.,
1995 ш. азы.
16. Аджинджал И.А. Из этнографии Абхазии. Материалы и исследования. Сухуми, 1969, с. 155.
17. Кудрявцев К. Материалы по истории Абхазии. Сухуми, 1922, с. 21.
18. Баллас Ш. Сухумский округ. Виноделие России. Ч.1,2. Спб., 1895.
19. Чернявский В. Плоды Абхазии, Джигетии и Мингрелии//Вестник
императорского Российского об-ва садоводов.№2,3,4. Спб., с. 78.
20. Аджинджал И.А. Из этнографии Абхазии. Материалы и исследования. Сухуми, 1969, с. 135.
21. Аджинджал И.А. Указ. раб., с. 153-154.
22. Бигуаа В.Л. Виноградарство//Абхазы. Отв. ред. Ю.Д. Анчабадзе, Ю.Г.
Аргун. Москва, 2012, с. 138.
23. Иҳәамҭоуп Папцаа Чанҭа (Алека). Ианылҵеит Ц. Габниа, Уаҭҳара,
иуль мза, 2018 ш.азы.
АӠархәма
Аӡархәма – аҭаацәара алалара иадҳәалоу, даара ижәытәӡоу ритуалуп. Аԥсуаа рҭыԥҳацәа аритуал аԥҟарақәа инарықәныҟәаны
ақьабз амҩаԥгара иалагеит аԥсҭазааразы иҟоу адыррақәа зегьы
џьара иҟоуп, шьоукы рнапы иакуп, алҵшәа ҟалоит имҩаԥгатәу
аус хкқәа ишаԥу еиԥш имҩаԥгалазар, имҩаԥгатәуп ҳәа агәрагара
анышьҭыркаа аамҭа инаркны.
Иалахәу. Аритуал иамоуп адрама аҟазшьақәа. Иалахәу рхыԥ
хьаӡара цқьа еилкааӡам, аха усгьы асиужет излаҳнарбо ала ҩыџьа
иреиҳауп, гәыԥҩык ыҟазаргьы ҟалоит.
Иадгалатәу. Аҟәыд ацәа рҩа, амца, аӡы зҭоу агәыгәым, гәыԥ
ҩык аӡӷабцәа.
Ианымҩаԥырго аамҭа. Нанҳәа ауха, Нанҳәа 27, 28 рзы. Уахынла.
Асиужет аазыркьаҿны. Нанҳәа анымҩаԥырго ауха аӡӷаб
цәа гәыԥҩык ҩнык аҿы еизоит. Аҩны азхаз аҟәыд ацәала амца ду
еиқәырҵоит, ркалҭқәа еибаркны амца иакәшо иалагоит ашәа ҳәо:
Ӡӷабк лыбжьы аалыргоит:
– Уаа бара!
Егьырҭ зегьы:
– Уоу!
– Аӡархәма!
– Уоу!
– Аӡарԥшьма!
– Си маҭа! Си маҭа!
Гьар Ҳәымпыл, Гьар Ҳәымпыл,
Ақырҭ-ԥҳа Гьалҳәа дигеит,
Гьалҳәа, гьалҳәа иианоу!
Абри ҳәо, еиҭаҳәо акыр аамҭа амца иакәшоит, наҟ-ааҟ иахыԥоит,
нас адәахьы аӡәаӡәала еишьҭагыланы ацара иалагоит. Руаӡәк
ашәваз давагылоуп, агәыгәым азна аӡы кны иаадәылҵуа зегьы
аҽыҩҳәа ирықәылҭәоит.
Зегьы андәылҵлак еиҭа рҽеизыргоит. Хәы ҳаракырак аҿы ицаны иқәтәоит, ҭынч иӡырҩуа иаатәоит. Иӡырҩуеит сынтәа ашықәс
иалагӡаны хаҵа ицои имцои аилкааразы. Сынтәа ицараны иҟоу
лыҩнаҭаҿы ашәаҳәабжьи акәашабжьи ҭыҩуа иалагоит.
Аӡархәма аҿар иртәу, излахәу, дара имҩаԥырго ритуалуп. Аритуал амҩаԥгаразы хымԥада иаҭахуп: 1. Амца аиқәҵара; 2. Амца
акәшара; 3. Амца ахыԥара; 4. Аӡы аиқәҭәара.
Амца акәшара иҳанаҳәо маҷым. Амца иԥшьоу амчра ду змоу
шакәу азхаҵаны, амҵаныҳәара ауп иаанаго. Амца амчра аҽа
зааигәатәра ауп акәшара хықәкыс иамоу. Амчра рныруа ианалагалак ахыԥара иалагоит. Ианахыԥо дырбылуеит раҩсҭаахә. Ара
иугәаламшәар ҟалом, нанҳәа амзазы аԥсуаа имҩаԥырго «Бар
банџьиа» захьӡу ижәытәӡоу аритуалгьы.
Абас раҩсҭаахә дбылны, рыҽрыцқьаны даҽа ритуалк рҽазы
ҟарҵон. Уи аӡырыҩрра акәын. Арҭ аҩритуалк рыбжьара иҟоуп
абжьаратә ритуал – аӡеиқәҭәара. Аӡеиқәҭәарагьы ацқьара, аԥс
ҭаазара ҿыц аҽазырхиара иасимволуп. Раҩсҭаахә дырбылуеит
иԥшьоу аритуал амҩаԥгара даԥырхагамхарц азы, аӡы рықәырҭәоит
рҽыркәабошәа аҟаҵаразы. Иара уи алагьы, ицқьашәқьа, иҟалараны
иҟоу здыруа, аԥсцәа рҽырзааигәартәуеит, рҽырзааигәатәра азин
роуратәы аҭагылазааашьа аԥырҵоит.
Ас ицқьашәқьа, гәнаҳа змам амаалықьцәа роуп наҟынтәи, нар
цәынтәи, ҵамзар мцы ахьырымҳәо аҟнытә уаха адгьыл ахь иааз,
Аԥсцәа ирымоу адырра заҳауа, изырҭо.
Аԥсуаа Нанҳәа амш Аԥсцәа ирымшуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Усҟан
Аԥсцәа зегьы рцәеи-ржьи ахьамадоу адгьыл иаҭаауеит, ԥхьаҟа
иҟалараны иҟоу зегьы рдыруа. Аха ирымоу адыррақәа зегьы ирар
ҳәаӡом, иреилдыркааӡом. Иааргаз адыррақәа рышьҭкаара, рымхра, раиура азоуп аритуал Аӡархәмагьы зымҩаԥыргоз.
Атекст иалоу ажәақәа рҵакқәа зегьы еилкааны иҳамаӡам. Зегь
раԥхьа иргыланы аритуал ахьӡ ахаҭа Аӡархәма, иара убас ажәа
Аӡарԥшьмагьы. Ажәақәа «Си маҭа! Си маҭа!» аҟабарда бызшәа
ажәар иатәуп, иаҵанакуа «Сара скаҵкәыр! Сара скаҵкәыр!» ауп.
Сгәанала, абри аритуал аҿы имҩаԥысуеит аҭыԥҳа хаҵа имцац
хаҵа ацара лазыҟаҵарагьы, убри азы ауп изалагалоу акы аҭира,
аахәара иасимволу акаҵкәыр. Баша ара иҳәаӡам арҭ ажәақәа:
Гьар Ҳәымпыл, Гьар Ҳәымпыл,
Ақырҭ-ԥҳа Гьалҳәа дигеит.
Лаҩсҭаахә дбылны, лхаҭа дкәабаны хаҵацара, аҿыц ԥсҭазаара
даздырхион. Ас иазыҟаҵаз аҿарацәа рынасыԥ аҽҳәара абра еилыркаар ҟалон.
Алитература
1. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. Аредактор хада: Ш.Хь. Са
лаҟаиа. VII атом. Атом еиқәлыршәеит, акьыԥхь иазлырхиеит, аԥхьажәеи аз
гәаҭақәеи лҩит Ц. С. Габниа. Аҟәа, 2002, ад. 336 – 337.
АӠырҩра
Аӡырҩра – ижәытәӡоу, иааиуа ашықәс ҿыц аҩныҵҟа иҟалараны
иҟоу аилкааразы аԥсуаа Нанҳәа ауха инаркны хаха имҩыԥыргоз
кьабзуп.
Ӡырҩра ицон Нанҳәа ауха, Нанҳәамза 27 инаркны хаха – 27, 28,
29 рзы.
Ианцоз аамҭа. Аҵх аҽанааҩнашалак, ауаа рыцәаԥсымҭазы,
аԥсабара каууа аҽанаарҭынчлак.
Жәытәла аԥсуаа изларыԥхьаӡоз ала Нанҳәамза 27 аҽны иԥсхьоу
зегьы рыԥсқәа аауеит дасу рқыҭақәа, рынхарҭа ҭыԥқәа, рнышәын
ҭрақәа рышҟа. Урҭ ари адунеи аҿы иҟазаауеит хаха-хымш.
Аԥсуаа агәра ргоит аԥсцәа зегьы ашықәс аҩныҵҟа иҟалараны
иҟоу рзы Нарцәытәи адыррақәа рыманы иаауеит ҳәа. Убри адырра ирымоу, зыԥсы ҭоу, араатәи адунеи аҿы макьана иҟоу ауаа
ирырҭар алшоит, аха убри азы имҩаԥгатәуп зхатәы ԥҟарақәа змоу
аритуал. Убри аритуал ауп Аӡырҩрагьы зыхьӡу. Аӡырҩра зылшаз
иаҳауа, иибо рацәахоит.
Аӡырҩрҭа ҭыԥ. Ӡырҩра ицо еиҳарак аҿар роуп, насгьы
ачҳара змоу. Аӡырҩразы иреиӷьу аҭыԥқәа ҳәа иԥхьаӡоуп: ахәы
ҳаракырақәа, х-мҩак ахьеихагылоу, аԥсыжрақәа рзааигәара.
Амҩаԥгашьа. Аҵх аҽанааҩнашалак, асааҭ жәаҩа рынахыс,
гәыԥҩык ауаа – аҳәса, ахацәа, аҷкәынцәа, аӡӷабцәа рҽааидкыланы
Аӡырҩрҭа ҭыԥ аҟны ицаны итәоит. Зегьы ҭынч итәазар ауп,
ҿырҭыр, ицәажәар ҟалаӡом. Ацәажәара акәым, рцәа напыла ирыб
ӷыргьы ҟалаӡом. Убри аҟнытә иргон араса лабыҵәқәа цәырԥссаны,
мамзаргьы ашхәыҵәқәа. Зцәа зыбӷыр зҭаххоз убри аҵәала, ма
ашхәыҵә ала ибӷуан. Измази измамзи ҿымҭ дара-дара еимырдон.
Итәазар акәын акыраамҭа.
Акыраамҭа атәара зылшаз, насгьы аԥҟарақәа еилазымгаз
хәыҷы-хәыҷла Аԥсцәа адыррақәа рыҭара иалагон.
Адыррақәа, дара рҵакқәа:
1.Згәараҭа ашәаҳәабжь, аччабжь ҭыҩуа иалагаз – ашықәс иала
гӡаны аҭаца ҿыц дааргоит.
2. Аҳәҳәабжь згәараҭа иҭыҩыз –аԥсра иақәшәоит.
3. Ахьархьбыжьқәа, аҵәымӷ алаҵара аантәи аҿыгәмыгәрақәа
ахьгаз – аҩн ҿыц дыргылоит.
4. Ачанахқәа ахәхәа-аӷьӷьаҳәа иахьеилаҳауа аҭаацәараҿы – ачы
мазаҩ ҿыц дҟалоит.
5. Асаби ибжьы ҵарӡа иахьҭыҩыз агәараҭаҿы – аҵеи диуеит.
Аӡырҩразы зегьы иреиӷьу аамҭа – Нанҳәа 27 ауха.
Нанҳәамза 27 ауха имҩаԥыргоит даҽа ритуалкгьы. Уи здырҳәа
ло ибжьаӡны иҟоу ауаа роуп. Аԥсуаа ибжьаӡны иҟоу иԥсы ҭоу иҭа
му аилкаара ауаҩы илшоит ҳәа ирыԥхьаӡоит иара иазку аритуал
ишахәҭоу имҩаԥугар.
Амҩаԥгашьа. Нанҳәамза 27 ауха, аҵх аҽанааҩнашалак, иӡны
иҟоу ауаҩы ицкарк – ицәамаҭәа, ма ихыцәхәыц, мамзаргьы ицәа
маҭәа иатәу ацахы рыманы, гәыԥҩык имшәо рҽааидкыланы,
иӡны иҟоу, иара ибзианы дыздыруаз, ма иҭынхацәа иреиуоугьы
уахь иналаҵаны, ицоит х-мҩакы ахьеихагылоу. Иара убраҟа ам
ца агәгәаҳәа еиқәырҵоит. Хабарда ибжьаӡны иҟоу ихьӡ хынтә
иааҳәаны, ицаха амца иақәырҵоит. Ицахы абылра иаалгоны,
дыԥсхьазар, исахьа змоу агага – иԥсы – амца «аҽыҩҳәа арахь иаа
хыԥан, нас наҟ еиҭанахыԥоит». Ус акәымкәа иԥсы ҭазар ицәаа
рагьы рбаӡом.
Алитературара
1. Илҳәамҭоуп Смыр-Габниа Арда Уаҳаид-иԥҳа. Ианылҵеит Ц. Габниа.
Џьырхәа ақ., 27.08.1983 ш. азы.
АӠы
Аӡы – нҵәара зқәым, аԥсҭазаара ахыҵхырҭаҿы иҟоу, зымчра дуӡӡоу, ҩ-дунеик иҳәааны ирыбжьоу, амчра бааԥсқәа хызҽуа,
зыда ԥсҭазаара ыҟам, ихәшәу, иԥсыршьагоу, ԥсы зхоу, анцәахәқәа
зхылаԥшуа, адунеи аарҳәра зылшо, аԥсабара ҿыц аԥсы ҭазҵо, аԥсы
еиқәзырхо акәны иаарԥшуп аԥсуа мифологиаҿы.
Аӡы асимволқәа, афункциақәа.
Аӡы – аԥсҭазаара ахыҵхырҭа ауп. Аԥсуаа аӡы абас иҟоу амчра
ду шамоу рдырхьан Анцәа иазхаҵараҿы иаиаанӡа. Уи атәы зҳәо,
аԥсуаа рқьабз иадҳәалоу, аритуалқәа рацәоуп.Убри азы ауп аӡы
асимвол рацәа аманы изыҟоугьы. «Ӡыда ԥсҭазаара ыҟам» аҳәоит
аԥсуа жәаԥҟа. Иара уи алагьы аӡы аԥсҭазаара ахыҵхырҭақәа ишыруаку шьақәырӷәӷәахоит.
Аӡы – нҵәара зқәым ԥсҭазаароуп. Уи иалшоит аӡыршьҭыр
аԥсахра, аха аамҭа ҟәыҵәак азы ауп, нас ахьышьҭрахь ихынҳәуеит.
«Аӡы ахьышьҭрахь ихынҳәуеит». Егьа имҩахугаргьы, иара ажәытә
ашьҭра ԥшааны, инҭаланы аҿынанахоит1.
Аӡы – ауаҩы ацәгьа иҟәнагоит, иара ахахьы иагоит. Ажәа иамоу амагиатә мчра иара иаднакылоит. Амаҭ зыцҳаз Аҭәҳәаҩ иахь
инагара анзалымшо, аԥсуа ҭәҳәаҩ аӡы дхыҭәҳәыланы ачымазаҩ
изишьҭуеит. Ачымазаҩ ари аӡы идыржәуеит илалаз ашҳам имчыданы иҟанаҵоит ҳәа азыԥхьаӡаны.
Алаԥш цәгьа аҭәҳәаҩ лышҟа ианиаслак, аҭәҳәаҩ лхаҭа ацәца
азна аӡы ҟаҵаны дхыҭәҳәылоит, нас илжәуеит. Уи ала лхы алаԥш
иацәылгоит.
Аӡы – амчра бааԥсы ахәаҽуеит, иашьуеит. Аҭәҳәақәа реиҳарак
хыркәшахоит абарҭ ажәақәа рыла: «Бжьы-шьхак дырхысцан, аб
жьы-мшынк дырхысҭәҳәалт»2. Аӡы ихыҭәҳәалоу алаԥшцәгьа хыҵ
шьа амаӡам, уа иара аӡырҭа, аԥсырҭа ҟалоит, иара азы ибыжь
рабыжьҵәоуп, иахьымааша изго мчуп.
Аӡы – ацәгьара ахырԥара зылшо мчуп. Аԥхыӡ бааԥс збаз аԥ
суа дҩагыланы иҿы ӡәӡәо, иԥхыӡ ибжьы ҩышьҭыхны еиҭеиҳәоит.
Еиҭаҳәаны данаалго аамҭазы «аӡы шцара уцааит, аӡы шцара уцааит!» ҳәа хынтә иҳәаны аӡы кеиҭәоит. Аӡы «аԥхыӡ бааԥс» аҿы иибаз, ԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ацәгьара наҟ иагоит, аҽҳәара иахнагоит, иахнарԥоит. Аӡы иагоит агәырҩа, алаԥшцәгьа, алаԥш бааԥс.
Аԥсуаа асаби дызмоу аԥҳәысҿа алаԥш еиҳа илхьыԥшуеит ҳәа ргәы
иаанагон. Убри аҟнытә, аԥҳәысҿа харантәы данааилак, ахәыҷ иахь
днеиаанӡа аӡы лыхьлыршар акәын. Аӡы лара илхьыԥшу зегьы
ӡәӡәаны иагоит ҳәа ирыԥхьаӡон.
Аӡы иалшоит аамҭа ашьақәҟьара, иара убас аиҭархынҳәра.
Аԥсуа лакәқәа рҿы имаҷымкәа иаҳԥылоит ари ахшыҩҵак шьақә
зырӷәӷәо асиужетқәа. Аҭаҳмада аӡы иҽынҭишьын – дҿахеит, еиҭа
иҽынҭишьын – дыҽхеит; даҽазныкгьы иҽынҭишьын – длахеит,
аҵыхәтәаны – деиҭаҭаҳмадахеит.
Аӡы – ауаҩы иԥсҭазаара аетапқәа зегьы рҿы хархәара змоу,
ауаҩы аԥсҭазаара алалара азин изҭо акәны ирыдыркылоит аԥсуаа
жәытәнатә аахысгьы. Ауаҩы диит – дыркәабоит, уи ашьҭахь ауп
уи аԥсҭазаара алалара азин анимоу; данԥслак – даҽа дунеик ахь
ишьҭра дазыҟарҵоит, дыркәабоит, иара аӡы иаӡәӡәоит араатәи
аԥсҭазаара аҿынтә ихьԥшу зегьы, ҿыц ииз еиԥш дыцқьаӡа идунеи
ахь дыршьҭуеит. Абас уи Нарцәымҩа – аԥсҭазаара ҿыц, аԥсҭазаара
ду данааларатәы, даднакыларатәы иҟарҵоит.
Аӡы – аԥсы ахоуп. «Ԥсы зхоу зегьы реиԥш иаргьы аԥсы ашьоит, ицәоит, иааԥшуеит, иныҟәоит, ицәажәоит». Ианыцәоу аԥсабара
зегьы ӡырҩуеит, ҷыт бжьы гаӡом. Абри аӡы иамоу аҟазшьа ҷыда зегьы ирбаӡом. Ари аҭагылазаашьа ахаҭа «аӡы ацәара» ахьӡуп. «Аӡы
шыцәоу» избаз ауаҩы ииҳәо ҟалоит.
Аӡы – зегьы абоит, зегьы аҳауеит, зегьы еилнакаауеит. Иалшоит агәаара, агәамҵра. Иҵхәраа иааиуа аӡыхь ааигәа агәамсам карыжьуа иалагар, ма иҟьашьу акы ҭарӡәӡәар аҽаӡоит, аҽаҵәахуеит,
иҭабоит.
Аԥсуаа агәра ргоит аӡы амчра ду шамоу.
Аӡы – адунеиқәа еиҟәызшо, еимаздо ацҳа зху ҳәаауп. Уи
ацҳа аԥсуаа «Нарцәыцҳа» ҳәа иахьӡҵаны ирымоуп, иара иазку
амифқәагьы маҷымкәа иҿианы иҟоуп. Иԥсыз ауаҩы иԥсы уи ацҳа
иқәымскәа Нарцәыҟа неишьа амаӡам.
Аӡы – ацқьара иасимволуп. Аԥсуа ныҳәарақәа зегьы, шамахамзар, аӡы ахықәан имҩаԥыргоит. Иалахәу ауаа зегьы уаҵәы
ныҳәазар уаха рҽыркәабоит, амаҭәа ҿыцқәа ршәырҵоит, аԥхӡы
афҩы зху рцәа иадырҵаӡом. «Ҿыц иизшәа иҟазарауп ицқьаӡа,
иӡәӡәаны, хьыԥшы дрымамкәа, лаԥшы рыдымкәа». Рышьтәақәа
хаҭала, акакала зегьы, арбаӷьқәа, акәытқәа ршьапқәа, рикақәа,
рԥышәқәа, рымҵәыжәҩақәа аӡы рыхьдыршоит. Уи ала ари иԥшьоу
аныҳәара «ахалархәра азин ылырхуеит».
Аӡы – адырра ҿыцқәа узаанагоит, «аӡы ухыԥшыланы Нарцәы
убар ҟалоит».
Аԥсуа ҵасқәа, ақьабзқәа ирыдҳәалоу аритуалқәа рҿы аӡы ра
цәаны ахархәара амоуп. Абас «Хәажәкыра» ауха, арԥарцәеи аҭы
ԥҳацәеи ԥхьаҟа ирынасыԥхәхо ԥхыӡырла дырбарц азы иҵааны,
аџьыкахыш иарганы иҟаҵоу амгьалқәа, ма ахәажәқәа хԥа-хԥа
ҟаҵаны, х-мҩакы ахьеихагылоу инеины ирфоит. Аҩны ианааилак
ацәаразы ишьҭалоит. Рыҵаҟа иҵадыргылоит ҵәыцак азна аӡыхь.
Ауха рыԥхыӡ аҿы дааиуеит рынасыԥхә, уи аҵәца ирыҵагылоу ала
аӡы диржәуеит ҳәа агәрагьы ргоит.
Аӡы алшарақәа зегьы аԥсуаа абзиара мацара иадырҳәалаӡом.
Аԥсы аӡы иҭаҳар изҭыҵӡом ахала ҳәа иԥхьаӡоуп. Ауаҩы даны
цәоу, рҳәоит аԥсуаа, иԥсы неихыҵны ныҟәара ицоит. Аӡба иакуа
ишьҭалаз ауаҩы иԥсы уахынла инеихыҵны, ӡыжәра, ицар алшоит. Аха уи аӡы ахьажәуа аҵеиџь иҭаҳаргьы ҟалоит. Усҟан аӡы ҭызто
ихеигалаанӡа уа иҭахоит ҳәагьы рҳәоит аԥсуа мифқәа. Убри азы уахынла ианышьҭало аҵәца азна аӡы рхаҿы иқәдыргылон.
Аӡы – адунеи аарҳәра алшоит. Аԥсуаа «адунеи ҩынтә иааҳә
хьеит» ҳәа азырԥхьаӡоит. «Адунеи ааҳәра шыҟалаз», мамзаргьы
«Адунеизегьтәи аӡхыҵра»3 иатәу аԥсуа мифқәа ирҳәоит знык
адунеи ааҳәра ҟазҵаз аӡхыҵра ду шакәу. Аӡы амчра ду иалшоит
аԥсабара мгеимцарак азы ахаҿы аԥсахра, «аԥсҭазаара аанкылара,
аҵыхәа аԥҵәара». Аӡы аԥсы ахәаҽуеит, иаиааиуеит. «Аӡы аҵаҟа

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Амифи аритуали - 04
- Büleklär
- Амифи аритуали - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3580Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3642Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20950.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3614Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3626Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3670Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3629Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3610Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3551Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3600Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3603Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3565Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3578Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3672Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3649Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3599Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Амифи аритуали - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3028Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.