LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Алԥха. Ажәеинраалақәа - 6
Süzlärneñ gomumi sanı 855
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 627
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
– Рыгәра аагошәа дҳарбалап!
– Идҳарбалап…
– Аха иаҳзымычҳар, ҳаиқәшәап!
– Ҳаиқәшәап…
– С-мап ҳназыҵҟьан, иҳаршәап!
– Иҳаршәап…
2013
Алԥха
* * *
Лгәаҿ зҵаарақәак лырххоит,
Илырххоит:
– Уи дажәуеит, сара сҿахоит,
Сҿахоит!..
Аҭак сзымҳәо, саҿахоит,
Саҿахоит…
Аха усгьы ак ҳәатәхоит,
Ак ҳәатәхоит:
– Бара баша быҽбырххоит,
Быҽбырххоит…
Атама иԥсылоу ак узхоит,
Ак узхоит!..
2013
Анатоли Лагәлаа
АПАРОДИАҚӘА
УБЗ УАҚӘӠУЕИТ, УБЗ!..
Абас санаҳәеит ԥхыӡла лаҳәак:
– Иумҩыц макьана исгәаԥхаша цәаҳәак!
Рауль Лашәриа
Ахы аацәыҵнарҳәҳәан аарла еиҳәак,
Исымамкәа сшааиуаз хьӡыбааԥск, цраҳәак,
Абас санаҳәеит ԥхыӡла лаҳәак:
– Иумҩыц макьана исгәаԥхаша цәаҳәак!
– Ҳаи, алаҳәажә, башаӡа умшәааит,
Усшәирц сҭахым, аха ублақәа ҭышәшәааит!..
Изҩыз шузымдыруа, ухакәмаҷира мсааит,
Сҩымҭақәа ргәашьамх убап, акыр ҵааит!..
Еиҭах иааҟыжхит схахь ҽа лаҳәак,
Ахаҿы сзаҿамԥшуа иаԥыраршәуп ԥраҳәак:
– Апоезиа зырхәашьыз иқәшәауеит сҳақ,
Ажьабааиԥш сеилаҳауеит ихьыршәыгәу цәаҳәак!..
…Ерцахә ахыцәқәа зегь лаҳәала иҭаҳәҳәан,
Урҭ рахьтә ак амҵәыжәҩа цахаҟаԥшьла иҿаҳәан.
Ус ацәа саалҵит, арҵәааҳәа сыҳәҳәан:
– Убз уақәӡуеит, убз, иудыруа зегь умҳәан!..
2013
Алԥха
УҬАБААИТ!
Саргьы сажәым, саагәаҭишь цқьа!
Вл. Занҭариа
Зынӡа сажәым, саагәаҭеишь баба,
Ибыҵхны исыршәуеит, бымпахьшь хәбаба.
Амра, акәтаӷьеиԥш бцәа быхнахит,
Са сажәызшәа акы ибнарбахит!..
Аарла инықәырҩ ԥсышәак бҳәахит,
Са сахьгылаз, сааилышшахит.
Зынџьырҵас, бԥагьара саԥахит,
Гәаныла амшын ду ҭасырбахит!
Кәыбрык быцҳазшәа ибымбахит,
Дырзыӡырҩуан, Листи, Бахи!
Убригь аасгәамԥхазт зынӡа что-то,
Ҳаргьы дҳамоуп сҳәеит Тота!
Аха зынӡа кагь ҟамлаӡазшәа,
Кәыбрык лхыԥраан ганха ицазшәа!..
Баша сгылазшәа сҽырбаба,
Днылакәымпылт лымпахьшь хәбаба!
Угәырҩа зоуҳәода, сгәаҟит кырӡа,
Слымбацт уи анкьеиԥш сқамфафылӡа!
Исылшоз уаҳа, амшын сазгәааит;
Иӡхуго зусҭцәада, уҭабааит!..
2013
Анатоли Лагәлаа
БЫҼХЫБЫМТЫН БАША…
Быҽхыбымтын баша,
Исызҭыхӡом бсахьа.
Сгәы ахьыҟоу, зынӡаск ҽаџьароуп!..
Нугзар Логәуа
Быҽхыбымтын баша,
Бара абзиара збаша…
Сгәы зынӡа иҭагылом,
Снап ақыцә ннакылом…
Схапыц еихарӷәӷәан ԥахьа,
Цәгьала иҭысхуан бсахьа!
Баргьы уи зегь гәабҭон,
Аха маҷк сыбшаҭон…
Ицәгьами аҳәса рҭыхра,
Рыҵкы рышәҵара, ршәыхра!..
Арахь аҿҿаҳәа ублыхуа,
Арахь аԥҳәызба ухылхуа!..
Уцәанырра наҟ иԥхоуҵоит,
Ухшыҩ иаҳәауа хоуҵоит!..
Ҿырҭуеит, рыбжьы ныҵак; –
«Ичҳа, министр дуӡӡак!»
Исхарои, зхаҵкы сцаша,
Исхарои, зыххьа згаша!
Алԥха
Сзықәшәазоуп, сара гәаша,
Бҭысхып, цқьа бҽыриаша!
Бҽызхыбтрызеи баша,
Бара абзиара збаша?!
Анатоли Лагәлаа
СГӘЫ ӠМЫЖЬУП!..
Сыбзиабара кыдҵәан иауеит!
Сгәы уҭалан уҽыкәаба
Знык!
Гунда Сақаниа
Сгәы ӡмыжьуп, аҵахь уагоит,
Уҭамлан, уҭамлан, уҭамлан!
Уеиқәа ҵыркәакәан уаалоит,
Аԥсыӡ укуашәа уныхтәалан!
Шаҟаҩ ахәаҽхьоу удыруоу уара,
Ианеибафо ааигәа умнеин!
Инахәлашәаз дыӡт, ҳаӷеиҭа,
Гәаӷла ианҭәу ипеипеиуа!
Уи ахаангьы сҳәатәы ханаҵом,
Зны илаапкуп, зныхгьы ижьаԥшқоуп!
Аха икажьны џьаргьы сызцаӡом,
Иаргь ала ҭааӡа исызхьаԥшлоит?..
Сгәаҿ аӡсашьа зҵаз рацәаҩӡоуп,
Аӡәгьы ишьацәа хаххала дҭызгеит!
Аӡыԥсы ихьыкәкәа дбааӡаӡоуп,
Аха дрыцҳасшьан, убригь дымҩахызгеит!
Адәахь ажәҩан ааҟәымҵкәа илагоит,
Стәоуп саргьы сшьақәыӷәӷәара халан!..
Сгәы ӡмыжьуп, аҵахь уагоит,
Аӡсашьа ззымдыруа уҭамлан!..
Алԥха
АШЬАБСҬА, ИУҬАХЫЗАР СЫГӘ ИАХӘО!..
Шьабсҭак шьамхнышлан,
Есышьыжь,
Аӡы ажәуеит,
Аӡыхьаҿ…
Гунда Сақаниа
Ашьабсҭа, урыцҳасшьоит даара,
Аха иусымҭарц сылшом азҵаара,
Иумҵасыргылаз асаара,
Ҭаурцәызар, уаԥырҵыр ҟамлои?!.
Аӡазы ҳашгәаҟуа умбоушәа,
Аҟәа уаазгазеи, ушабоушәа,
Иаҳзынхаз ацәыкәбар –ҭаурбоушәа,
Уаагәарҭар, еибгала узлацои?!.
Ашьабсҭа, иуҭахызар сыгә иахәо,
Усызиацәажәа, ҳмер ду Лабахәуа,
Иаҳзааишьҭыр аӡы ахәхәаҳәа,
Ҳнаҵатәан, ҭынч иҳамжәлои!..
Ашьабсҭа, уаҟәыҵ уажәшьҭа агәаара,
Излоугәаӷьи шаанӡа сҭаара,
Дааҿыхар, схаҵа сыхаара,
Дысхыбаан аҭаҷкәым уаимыргои!!!
Анатоли Лагәлаа
СГӘЫ - СԤАРԤАЛЫКЬ!
Сгәы ҭыԥрааит,
Уахьӡа аԥарԥалыкь,
Аԥхыӡ саҩызоуп…
Гунда Сақаниа
Сгәы-сԥарԥалыкь, сгәы-сԥарԥалыкь,
Сарҿыхарц иааҟәымҵӡакәа иасуеит абыкь!
Исцәаламшәакәа сызцандаз алыкь,
Аԥынҵа нахьысыр ҳәа сшәоит ацыблыкь!..
Сгәы-сԥарԥалыкь, сгәы-сԥарԥалыкь!..
Знык ианысцәыҵԥраа, Баҭым инаӡеит,
Кәтолҟа ухынҳәыроуп, зынӡа сыҳәҳәаӡеит!..
Ах, иныбзақьааит, сыбжьы амаҳаӡеит!..
Шықәсык инахыҳәҳәо, уа иаанхаӡеит,
Изурыз уаҳа, исҳәагәышьеит: «Уаамӡеит!»
Аԥснытәи апоезиа аҟарҟы зырхәыхәхьаз,
Мушьни Миқаииа ҳжьы зегь зфахьаз,
Аҽуреиԥш сахыԥеит иара имацәаз,
Убасҟан игәеиҭан уи имч шицәынҵәаз,
«Схы злыдысшьылои, – иҳәеит, – сара инҵәаз!..»
Алԥха
Сгәы-сԥарԥалыкь, сгәы-сԥарԥалыкь,
Сурҿыхарц уааҟәымҵӡакәа уасла абыкь!
Аԥынҵа аалмыҳәҳәо иажааит алыкь,
Аредақтор изҵаареиԥш, сацәшәоит ацыблыкь,
Сгәы сԥарԥалыкь, сгәы сԥарԥалыкь!
2012
Анатоли Лагәлаа
ДАБА УХАҴОУП!..
Даба ухаҵоуп улҿаԥшы,
Дахьҭоу ажәҩан.
Даба ухаҵоуп!..
Даба ухаҵоуп улҿаԥшы,
Дахьҭоу ажәҩан.
Амра лҽылкәабоит уԥшы,
Даба ухаҵоуп!
Гунда Сақаниа
Даба ухаҵоуп, улаҩсны уца,
Умӡыҭӡакәа.
Арахь иуцралан уабылуеит мцак,
Иумбаӡакәа…
Даба ухаҵоуп, уҩны улыхьӡа,
Дышԥакәаруеи?!
Ех, дҭакны думанда уца,
Иаҳауеи, иаҳауеи!!!
Даба ухаҵоуп, убз ак арҳәа,
Уҿы иҭабылгьоит!
Ухәыз-хәызла, уакызшәа аимҳәа,
Лаԥшыла дулгоит!
Даба ухаҵоуп, ажәа лынҵа,
Лнапы уаҳәар…
Алԥха
«Наҟ усԥырҵны уахьымаара уца!..»
Иуки, иуалҳәар…
Даба ухаҵоуп, угәы дҭартәаны,
Аҩныҟа узцозар,
Акәтаӷь иаҵарҵо, ашшеиԥш урҭәаны,
Урӡыҭны улгозар!..
Анатоли Лагәлаа
АӠӘГЬЫ УЛЫСҬОМ УА УМШЬЫКӘА!
Скалҭ ухы нануҵан уцәеит.
Са сааԥсеит…
Ухахә сылаԥш ала исҳәеит,
Ублақәа сгәыӡит гәаныла.
Ҽаӡә лкалҭ ухы ананыла
Иудыруаз ушысшьуа…
Гәында Кәыҵниа
Ҽаӡә лкалҭ ухы ананыла,
Ҽаӡәы уанлызхәыц гәаныла,
Наҟ иухысҟьоит иухаӡамкәа,
Ухы иухагылоу калаҭк иамкуа!..
Ушыцәоу скалҭаҿ уҭаҳәахаа,
Иуоур ҟалома аӡә лыхьӡ аҳәаха!..
Ҵкы зшәу уааигәаҵәҟьа дсымбароуп,
Ахсаԥыҭқәа, ихаҳхрыда ҳәа игәароуп!..
Аӡәгьы улызхәыцуам са сыԥсаанӡа,
Дныбзақьааит, ужәла лсыркаанӡа!
Ус дыԥшызар, лажәра дҭысуеит,
Уаб иҩы ҵәыҵәеиԥш, дыбжьысуеит!..
Илҭаххазар акәхап сгәы сырдап ҳәа,
Алԥха
Ҵәахаҳан улымҵаҳазшәа абақҳәа!..
Ухахә лаԥшыла аҳәашьа схәыцит!.
Ублагә ҭымгәӡаакәа усмышьҭыцит!
Уҵәахуп, уҭаршәуп сара сыкәа,
Аӡәгьы улысҭом уа умшьыкәа!..
2012
Анатоли Лагәлаа
АӠӘ АЖӘХЬАРА ДСЫԤХЬЕИТ!..
Сгәы шәындыҟәрахеит уаха,
Избом иаазыртыша ацаԥха!
Альбина Анқәаб
Ақыҭахь сугарц уҭахуп,
Избо, ажәхьаҩ дуҭахуп!
Дмитри Габелиа
Исцәыӡит, исцәыӡит, сшәындыҟәра ацаԥха,
Сычҳарагь хыҵит, сызлацәари уаха?!
Иқәысҵеит, иқәысхт, исзазымуит ҳасаб,
Дарбан бгалаџу, деимызҵәаз са саб?!
Аӡә ажәхьара дсыԥхьеит, ԥхыӡла иаха,
Ахаан исхьахьоума, урҭ са Џьырхәа?!
Ҵоуп зны-зынла сеилаҳан ахш сахәалон,
Са исзыжәуаз абзиара схашҭуам сҳәалон!
Урҭ аԥшь-жәхьак исарҳәеит, абзиараз ҳҭыԥҳа,
Ԥшь-диалектк рбызшәала ҳнаука еизырҳа!
Убасҟан урҭ ажәа рысҭеит ҵаны,
Рыхшеиԥш, аԥшьдиалектк шеиқәсырхо ицқьаны!..
Нас ажәқәагь гаӡазма, рыгә иахәоз рмаҳаи,
Ақыҭа аӡәгьы ибцәигом, беиха аҳаҳаи!
Абни апроспекти аредакциеи срыбжьоуп,
Ақыҭахь схынҳәыҵәҟьауа џьызшьауа джьоуп!..
2012
Алԥха
АҞАЛӶЬЫ, АҞАЛӶЬЫ!..
Бнапы ԥшқа неиҵыхны,
еиқәырха уи абӷьы.
Идыр, иагәылоуп иԥсы
Абзагә Ҟалӷьы…
Абзагә Аҟалӷьба
Аԥшаӷьы, иуршәшәар,
Ҵаҟа илеиуа абӷьы,
Уи дацны лыкәа дҭашәар,
Абзагә Ҟалӷьы?!
Рыуа инлыжьуада уа,
Рыуа илыршәуада арахь?!
Разҟы змамкәа ибылуа,
Ахаан дызнеишам ла лахь…
Аҵыхәа импыҵҵәраан ицеит,
Уи абӷьы, уи абӷьы…
Аԥшаӷьы, дургаӡеит,
Аҟалӷьы, Аҟалӷьы!..
– Идҳарбалап…
– Аха иаҳзымычҳар, ҳаиқәшәап!
– Ҳаиқәшәап…
– С-мап ҳназыҵҟьан, иҳаршәап!
– Иҳаршәап…
2013
Алԥха
* * *
Лгәаҿ зҵаарақәак лырххоит,
Илырххоит:
– Уи дажәуеит, сара сҿахоит,
Сҿахоит!..
Аҭак сзымҳәо, саҿахоит,
Саҿахоит…
Аха усгьы ак ҳәатәхоит,
Ак ҳәатәхоит:
– Бара баша быҽбырххоит,
Быҽбырххоит…
Атама иԥсылоу ак узхоит,
Ак узхоит!..
2013
Анатоли Лагәлаа
АПАРОДИАҚӘА
УБЗ УАҚӘӠУЕИТ, УБЗ!..
Абас санаҳәеит ԥхыӡла лаҳәак:
– Иумҩыц макьана исгәаԥхаша цәаҳәак!
Рауль Лашәриа
Ахы аацәыҵнарҳәҳәан аарла еиҳәак,
Исымамкәа сшааиуаз хьӡыбааԥск, цраҳәак,
Абас санаҳәеит ԥхыӡла лаҳәак:
– Иумҩыц макьана исгәаԥхаша цәаҳәак!
– Ҳаи, алаҳәажә, башаӡа умшәааит,
Усшәирц сҭахым, аха ублақәа ҭышәшәааит!..
Изҩыз шузымдыруа, ухакәмаҷира мсааит,
Сҩымҭақәа ргәашьамх убап, акыр ҵааит!..
Еиҭах иааҟыжхит схахь ҽа лаҳәак,
Ахаҿы сзаҿамԥшуа иаԥыраршәуп ԥраҳәак:
– Апоезиа зырхәашьыз иқәшәауеит сҳақ,
Ажьабааиԥш сеилаҳауеит ихьыршәыгәу цәаҳәак!..
…Ерцахә ахыцәқәа зегь лаҳәала иҭаҳәҳәан,
Урҭ рахьтә ак амҵәыжәҩа цахаҟаԥшьла иҿаҳәан.
Ус ацәа саалҵит, арҵәааҳәа сыҳәҳәан:
– Убз уақәӡуеит, убз, иудыруа зегь умҳәан!..
2013
Алԥха
УҬАБААИТ!
Саргьы сажәым, саагәаҭишь цқьа!
Вл. Занҭариа
Зынӡа сажәым, саагәаҭеишь баба,
Ибыҵхны исыршәуеит, бымпахьшь хәбаба.
Амра, акәтаӷьеиԥш бцәа быхнахит,
Са сажәызшәа акы ибнарбахит!..
Аарла инықәырҩ ԥсышәак бҳәахит,
Са сахьгылаз, сааилышшахит.
Зынџьырҵас, бԥагьара саԥахит,
Гәаныла амшын ду ҭасырбахит!
Кәыбрык быцҳазшәа ибымбахит,
Дырзыӡырҩуан, Листи, Бахи!
Убригь аасгәамԥхазт зынӡа что-то,
Ҳаргьы дҳамоуп сҳәеит Тота!
Аха зынӡа кагь ҟамлаӡазшәа,
Кәыбрык лхыԥраан ганха ицазшәа!..
Баша сгылазшәа сҽырбаба,
Днылакәымпылт лымпахьшь хәбаба!
Угәырҩа зоуҳәода, сгәаҟит кырӡа,
Слымбацт уи анкьеиԥш сқамфафылӡа!
Исылшоз уаҳа, амшын сазгәааит;
Иӡхуго зусҭцәада, уҭабааит!..
2013
Анатоли Лагәлаа
БЫҼХЫБЫМТЫН БАША…
Быҽхыбымтын баша,
Исызҭыхӡом бсахьа.
Сгәы ахьыҟоу, зынӡаск ҽаџьароуп!..
Нугзар Логәуа
Быҽхыбымтын баша,
Бара абзиара збаша…
Сгәы зынӡа иҭагылом,
Снап ақыцә ннакылом…
Схапыц еихарӷәӷәан ԥахьа,
Цәгьала иҭысхуан бсахьа!
Баргьы уи зегь гәабҭон,
Аха маҷк сыбшаҭон…
Ицәгьами аҳәса рҭыхра,
Рыҵкы рышәҵара, ршәыхра!..
Арахь аҿҿаҳәа ублыхуа,
Арахь аԥҳәызба ухылхуа!..
Уцәанырра наҟ иԥхоуҵоит,
Ухшыҩ иаҳәауа хоуҵоит!..
Ҿырҭуеит, рыбжьы ныҵак; –
«Ичҳа, министр дуӡӡак!»
Исхарои, зхаҵкы сцаша,
Исхарои, зыххьа згаша!
Алԥха
Сзықәшәазоуп, сара гәаша,
Бҭысхып, цқьа бҽыриаша!
Бҽызхыбтрызеи баша,
Бара абзиара збаша?!
Анатоли Лагәлаа
СГӘЫ ӠМЫЖЬУП!..
Сыбзиабара кыдҵәан иауеит!
Сгәы уҭалан уҽыкәаба
Знык!
Гунда Сақаниа
Сгәы ӡмыжьуп, аҵахь уагоит,
Уҭамлан, уҭамлан, уҭамлан!
Уеиқәа ҵыркәакәан уаалоит,
Аԥсыӡ укуашәа уныхтәалан!
Шаҟаҩ ахәаҽхьоу удыруоу уара,
Ианеибафо ааигәа умнеин!
Инахәлашәаз дыӡт, ҳаӷеиҭа,
Гәаӷла ианҭәу ипеипеиуа!
Уи ахаангьы сҳәатәы ханаҵом,
Зны илаапкуп, зныхгьы ижьаԥшқоуп!
Аха икажьны џьаргьы сызцаӡом,
Иаргь ала ҭааӡа исызхьаԥшлоит?..
Сгәаҿ аӡсашьа зҵаз рацәаҩӡоуп,
Аӡәгьы ишьацәа хаххала дҭызгеит!
Аӡыԥсы ихьыкәкәа дбааӡаӡоуп,
Аха дрыцҳасшьан, убригь дымҩахызгеит!
Адәахь ажәҩан ааҟәымҵкәа илагоит,
Стәоуп саргьы сшьақәыӷәӷәара халан!..
Сгәы ӡмыжьуп, аҵахь уагоит,
Аӡсашьа ззымдыруа уҭамлан!..
Алԥха
АШЬАБСҬА, ИУҬАХЫЗАР СЫГӘ ИАХӘО!..
Шьабсҭак шьамхнышлан,
Есышьыжь,
Аӡы ажәуеит,
Аӡыхьаҿ…
Гунда Сақаниа
Ашьабсҭа, урыцҳасшьоит даара,
Аха иусымҭарц сылшом азҵаара,
Иумҵасыргылаз асаара,
Ҭаурцәызар, уаԥырҵыр ҟамлои?!.
Аӡазы ҳашгәаҟуа умбоушәа,
Аҟәа уаазгазеи, ушабоушәа,
Иаҳзынхаз ацәыкәбар –ҭаурбоушәа,
Уаагәарҭар, еибгала узлацои?!.
Ашьабсҭа, иуҭахызар сыгә иахәо,
Усызиацәажәа, ҳмер ду Лабахәуа,
Иаҳзааишьҭыр аӡы ахәхәаҳәа,
Ҳнаҵатәан, ҭынч иҳамжәлои!..
Ашьабсҭа, уаҟәыҵ уажәшьҭа агәаара,
Излоугәаӷьи шаанӡа сҭаара,
Дааҿыхар, схаҵа сыхаара,
Дысхыбаан аҭаҷкәым уаимыргои!!!
Анатоли Лагәлаа
СГӘЫ - СԤАРԤАЛЫКЬ!
Сгәы ҭыԥрааит,
Уахьӡа аԥарԥалыкь,
Аԥхыӡ саҩызоуп…
Гунда Сақаниа
Сгәы-сԥарԥалыкь, сгәы-сԥарԥалыкь,
Сарҿыхарц иааҟәымҵӡакәа иасуеит абыкь!
Исцәаламшәакәа сызцандаз алыкь,
Аԥынҵа нахьысыр ҳәа сшәоит ацыблыкь!..
Сгәы-сԥарԥалыкь, сгәы-сԥарԥалыкь!..
Знык ианысцәыҵԥраа, Баҭым инаӡеит,
Кәтолҟа ухынҳәыроуп, зынӡа сыҳәҳәаӡеит!..
Ах, иныбзақьааит, сыбжьы амаҳаӡеит!..
Шықәсык инахыҳәҳәо, уа иаанхаӡеит,
Изурыз уаҳа, исҳәагәышьеит: «Уаамӡеит!»
Аԥснытәи апоезиа аҟарҟы зырхәыхәхьаз,
Мушьни Миқаииа ҳжьы зегь зфахьаз,
Аҽуреиԥш сахыԥеит иара имацәаз,
Убасҟан игәеиҭан уи имч шицәынҵәаз,
«Схы злыдысшьылои, – иҳәеит, – сара инҵәаз!..»
Алԥха
Сгәы-сԥарԥалыкь, сгәы-сԥарԥалыкь,
Сурҿыхарц уааҟәымҵӡакәа уасла абыкь!
Аԥынҵа аалмыҳәҳәо иажааит алыкь,
Аредақтор изҵаареиԥш, сацәшәоит ацыблыкь,
Сгәы сԥарԥалыкь, сгәы сԥарԥалыкь!
2012
Анатоли Лагәлаа
ДАБА УХАҴОУП!..
Даба ухаҵоуп улҿаԥшы,
Дахьҭоу ажәҩан.
Даба ухаҵоуп!..
Даба ухаҵоуп улҿаԥшы,
Дахьҭоу ажәҩан.
Амра лҽылкәабоит уԥшы,
Даба ухаҵоуп!
Гунда Сақаниа
Даба ухаҵоуп, улаҩсны уца,
Умӡыҭӡакәа.
Арахь иуцралан уабылуеит мцак,
Иумбаӡакәа…
Даба ухаҵоуп, уҩны улыхьӡа,
Дышԥакәаруеи?!
Ех, дҭакны думанда уца,
Иаҳауеи, иаҳауеи!!!
Даба ухаҵоуп, убз ак арҳәа,
Уҿы иҭабылгьоит!
Ухәыз-хәызла, уакызшәа аимҳәа,
Лаԥшыла дулгоит!
Даба ухаҵоуп, ажәа лынҵа,
Лнапы уаҳәар…
Алԥха
«Наҟ усԥырҵны уахьымаара уца!..»
Иуки, иуалҳәар…
Даба ухаҵоуп, угәы дҭартәаны,
Аҩныҟа узцозар,
Акәтаӷь иаҵарҵо, ашшеиԥш урҭәаны,
Урӡыҭны улгозар!..
Анатоли Лагәлаа
АӠӘГЬЫ УЛЫСҬОМ УА УМШЬЫКӘА!
Скалҭ ухы нануҵан уцәеит.
Са сааԥсеит…
Ухахә сылаԥш ала исҳәеит,
Ублақәа сгәыӡит гәаныла.
Ҽаӡә лкалҭ ухы ананыла
Иудыруаз ушысшьуа…
Гәында Кәыҵниа
Ҽаӡә лкалҭ ухы ананыла,
Ҽаӡәы уанлызхәыц гәаныла,
Наҟ иухысҟьоит иухаӡамкәа,
Ухы иухагылоу калаҭк иамкуа!..
Ушыцәоу скалҭаҿ уҭаҳәахаа,
Иуоур ҟалома аӡә лыхьӡ аҳәаха!..
Ҵкы зшәу уааигәаҵәҟьа дсымбароуп,
Ахсаԥыҭқәа, ихаҳхрыда ҳәа игәароуп!..
Аӡәгьы улызхәыцуам са сыԥсаанӡа,
Дныбзақьааит, ужәла лсыркаанӡа!
Ус дыԥшызар, лажәра дҭысуеит,
Уаб иҩы ҵәыҵәеиԥш, дыбжьысуеит!..
Илҭаххазар акәхап сгәы сырдап ҳәа,
Алԥха
Ҵәахаҳан улымҵаҳазшәа абақҳәа!..
Ухахә лаԥшыла аҳәашьа схәыцит!.
Ублагә ҭымгәӡаакәа усмышьҭыцит!
Уҵәахуп, уҭаршәуп сара сыкәа,
Аӡәгьы улысҭом уа умшьыкәа!..
2012
Анатоли Лагәлаа
АӠӘ АЖӘХЬАРА ДСЫԤХЬЕИТ!..
Сгәы шәындыҟәрахеит уаха,
Избом иаазыртыша ацаԥха!
Альбина Анқәаб
Ақыҭахь сугарц уҭахуп,
Избо, ажәхьаҩ дуҭахуп!
Дмитри Габелиа
Исцәыӡит, исцәыӡит, сшәындыҟәра ацаԥха,
Сычҳарагь хыҵит, сызлацәари уаха?!
Иқәысҵеит, иқәысхт, исзазымуит ҳасаб,
Дарбан бгалаџу, деимызҵәаз са саб?!
Аӡә ажәхьара дсыԥхьеит, ԥхыӡла иаха,
Ахаан исхьахьоума, урҭ са Џьырхәа?!
Ҵоуп зны-зынла сеилаҳан ахш сахәалон,
Са исзыжәуаз абзиара схашҭуам сҳәалон!
Урҭ аԥшь-жәхьак исарҳәеит, абзиараз ҳҭыԥҳа,
Ԥшь-диалектк рбызшәала ҳнаука еизырҳа!
Убасҟан урҭ ажәа рысҭеит ҵаны,
Рыхшеиԥш, аԥшьдиалектк шеиқәсырхо ицқьаны!..
Нас ажәқәагь гаӡазма, рыгә иахәоз рмаҳаи,
Ақыҭа аӡәгьы ибцәигом, беиха аҳаҳаи!
Абни апроспекти аредакциеи срыбжьоуп,
Ақыҭахь схынҳәыҵәҟьауа џьызшьауа джьоуп!..
2012
Алԥха
АҞАЛӶЬЫ, АҞАЛӶЬЫ!..
Бнапы ԥшқа неиҵыхны,
еиқәырха уи абӷьы.
Идыр, иагәылоуп иԥсы
Абзагә Ҟалӷьы…
Абзагә Аҟалӷьба
Аԥшаӷьы, иуршәшәар,
Ҵаҟа илеиуа абӷьы,
Уи дацны лыкәа дҭашәар,
Абзагә Ҟалӷьы?!
Рыуа инлыжьуада уа,
Рыуа илыршәуада арахь?!
Разҟы змамкәа ибылуа,
Ахаан дызнеишам ла лахь…
Аҵыхәа импыҵҵәраан ицеит,
Уи абӷьы, уи абӷьы…
Аԥшаӷьы, дургаӡеит,
Аҟалӷьы, Аҟалӷьы!..
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
- Büleklär
- Алԥха. Ажәеинраалақәа - 1Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2856Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Алԥха. Ажәеинраалақәа - 2Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2897Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Алԥха. Ажәеинраалақәа - 3Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2952Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Алԥха. Ажәеинраалақәа - 4Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2938Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Алԥха. Ажәеинраалақәа - 5Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2957Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Алԥха. Ажәеинраалақәа - 6Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 855Unikal süzlärneñ gomumi sanı 6270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.