LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аӡыжь - 12
Süzlärneñ gomumi sanı 2837
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1805
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Даӷьсҭан мацара акәын дызхагылаз. Насгьы уи, зымҩа
кала иеибашьр адин ахьӡалатәи еибашьран, газаватын.
Ачеченцәа анидгылақәоз ыҟан, аха ачерқьесқәа хазы
еибашьуан. Урҭ рымчқәа реидкылараз ҽыхарақәак
ҟаҵан, аха, изыхҟьазаалак, алҵшәа амоуит.
Ешбеи Шерипови рыбзоурала иаԥҵаз Кавказтәи ашь
харуаа рреспублика, рконфедерациа, уаанӡа аҳәынҭ
қарра змоуцыз Кавказтәи ажәларқәа еидызкылоз
раԥхьаӡатәи ҳәынҭқарран. Аха, рыцҳарас иҟалаз, хазы
иҟаз Аԥснытәи Асовет республика аиҳа нҵра арымҭеит
убригь. Аха ахаҭа аԥҵан, апрецидент ҟаҵан. Кавказ
аҭоурых аҿы уи аҩыза уаҳа иҟамлацызт.
Ҳмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара асакьаҳәымҭаз, убасҟан
тәи Кавказ Ашьхаруаа рреспублика аҿырԥшы ала,
ҳуаажәларратә-политикатә хеидкыла «Аидгылара» абзоурала, иӡбаны ишьҭыхын Кавказтәи ажәларқәа рконфедерациа аԥҵара. Даара акраҵанакуеит аԥсуа жәлар
рџьынџьтәылатә еибашьраан аконфедерациа, раԥхьа
Ассамблеиа ҳәа захьӡыз, иалнаршаз. Уи абзоурала,
Нхыҵ Кавказаа еилыркаауан, ҳара ҳҿы иаԥшьыргаз
аибашьра-геноцид Кавказ ашьхаруа жәларқәа зегьы
шаҵанакуаз. Нас, анаҟәоу зқәыжьыз ашьхақәа ирызнымкыло, ирхыҵны иааны, ҳаибашьцәа ирыдгылан еибашьуан. Абас, ҩыџьа Кавказ аԥацәа иашақәа ишьҭырхыз аидеиеи, ишьҭарҵаз аҳарҩеи абриаҟара шықәса рышьҭахь
аус руит.
Убарҭ иреиԥшу ҳҵеицәа дуқәа, зыжәлари зыԥсадгьы
ли реиқәырхараз аҭоурых ҵакы змаз аҳарҩақәа ишь
ҭарҵаз еснагь имҩақәҵагақәоуп.
Егьырҭ зегьы ҳарҟәаҵып, зхамҭа, зыԥсымҭа иҭагылаз
ҳажәлар рыԥсы иаԥшәмахаз, аҩажәатәи ашәышықәса
агыламҭа иацгылаз раԥхьатәи ҳинтеллигенциеи, ҳажә
лар рхы ҭызгоз ҩыџьа рҵеицәа дуқәа Ефрем Ешбеи
Нестор Лакобеи ракәымзар, ҳазҵаара шыӡбахашаз
здыруадаз. Ихьыԥшым аидгылатә республика акәым,
автономиахьгьы ҳадмырбар ҟалон.
Урҭ хьаҳәа-ԥаҳәада иахьеиқәшәоз, иахьеидгылаз, иа
хьеиқәшаҳаҭыз еснагь еиҳан, зҭакԥхықәра ргаз жәлар
рус аҿы. Ҳәарада, иахьеиҩнагозгьы ҟалон, иара убас –
иахьеихыбаауазгьы. (Ауаҩытәыҩса иԥсыҽрақәа зегьы
иаразнак изкажьуам.) Аха рыԥсадгьыл абзиабараҿ урҭ
аӡәын. Даргьы, ари аиԥш, ажәлар зегьы рԥеиԥш зҵазк
уаз аусаҿ, зегьы еснагь аӡы кылымкәо ирзымӡбар, дара
ирҭаху ахырхарҭа рзамҭар, ирадмырҭар ҟалон. Насгьы,
излахәыз апартиагьы аԥҟаррақәа аарыкәыршан иҟан,
уара иуҭаххеит, ужәлар ус еиҳа ирзеиӷьуп ҳәа мацара
иахьаауҭаххаз иузырхомызт.
Иахьа ҳара ҳҭоурыхҭҵааҩцәа ирымоуп иаҭаху
аҭагылазаашьа, обиективла, ламысла иазнеир, убарҭ
аҩыџьагьы иалырхуаз амҩақәа цқьа иҭҵааны, еилырганы, урҭ рахьтә уажәы еиҳа иҳахәаша хазы рарбара
рылшоит. Дара, аамҭа, аҭоурых иахьаргылаз рҭыԥқәа
рызныжьны. Уи ус иахьыламысу, иахьыуаҩроу анаҩсгьы,
усҟантәи риаша аҭыԥаҿ ианыҟала, уажәтәи ҳиашагьы
ахы иқәнаҵоит, ишьҭарҵахьаз аҳарҩагьы иахьаҭыԥу инхоит.
Нас, ҳаҵкы арахәыц зацәааӡозеи, аҭоурых абри аетап ҭызҵаауа, аҭоурыхҭҵааҩцәаҵәҟьа, аҭоурых дзырҵо
абри зырымбозеи, залаҿырымҭуазеи? Арахь уажәаҟара
аҭоурых знапы алаку ианакәызаалак иҟамлаӡац.
***
Дырҩагьых ажәақәак абра ибжьазгалар сҭахуп,
ҳҭоурых ҳанақәиҭха аҭҵаара, аҭҵаашьа, ажәытәи аҿатәи
реиԥшьра, реиҿбаашьа атәқәак. Еицырдыруа акоуп,
атәыла аҳҭнықалақь аҭоурых атәыла зегьы аҭоурых азы
иаҵанакуа. Уи еидызкыло, иакны иҟазҵо, ҳҭоурых зегьы
аҵакы еиқәызҳәало акы акәны ишыҟоу.
Хыла сара, ҳәарада, ҭоурыхҭҵааҩык иаҳасабала
акәымкәа, ессеистк иаҳасабала, Аҟәа атәы салацәа
жәахьеит («Аҟәа–Сухум, Сухум–Аҟәа»). Убра сыззааҭ
гылаз азҵаарақәа ирылан Аҟәа аҳҭнықалақьра нагӡаны
иныҟәнагауоу, иныҟәнамгауоу азҵаара. Иаҳҳәап, ҳдоу
ҳатә культуразы (Аԥсны аҽа центрк ыҟаӡам ҳдоуҳатә
культура аҽахьеизнаго Аҟәа ада, аха абрагь макьана
ҳкультура иахьԥаԥсоу, иахьԥҳаԥсоу рацәоуп.)
Иџьоушьаша, иара Аҟәа ақалақь атәы ҭызҵаауа, иҭыз
хуа, иахцәажәо, иара заҳҭнықалақьу атәыла, зыхьӡ аху
ажәларгьы хазы иҟоушәа, ҭоурыхлагьы зыӡбахә уҳәаша
акгьы рзеиламшәа ауп ишазныҟәо. Анкьа ус иҟазарц
зҭахыз шырацәаз, иагьшрылшоз, аха убри ацәынхақәа
абасҟак амч зрымоузеи ҳәа ргәы иаалырсынгьы акы
рҿыҵшәом. Убас иахәҭаны иҟоушәаҵәҟьа. Уи иаҳәо убри
ауп, убас иахцәажәо даргьы, иааизакны, дала-шьала
ртәыла иаларсӡам, Аҟәа аҳәаақәа инархыҳәҳәан. Иара
Аҟәагьы, аамҭеи аҭоурыхи ршәагақәа рыла акәымкәа,
рыҩны иҩнагылоу уаџьаҟк еиԥш ауп ишазыҟоу.
Убарҭ рҟынтәи, аӡәы идамзаргьы, Аҟәа атәылеи иареи ахьынӡеиларсу, уи аҭагылазаашьа узырбо ашьҭақәа
азгәеиҭар ҟамлаӡо? Ажәытәӡатәи ҳаҟәыҵып, еиҳа арахь
иааскьоу аамҭаз, иаҳҳәап, Қьелышь иаҳҭынра ахьыҟаз,
нас – инышәынҭра, иара Баграт ибаа ҳәа изышьҭоу, 1866
шықәсазтәи аилаҩынтра иахырҟьаны иааганы жәларык
Аҟәа иахьыршьыз аҭыԥ; Аҟәа дача ҭыԥс иҟазҵаз
Урыстәылантә, аҽаџьарантә иаанагаз акыр иреиԥшыз
аҳцәа рынхарҭақәа, акык-ҩбак инханы иҟоу рхыбрақәа,
аҵыхәтәантәи аҳ иԥа Гьаргь ивилла, “Villa hemia” ҳәа
зылахь иану; аԥсуа ҭуџьарцәа Ануаа ирҭынхаз, иара
убас, ҳдоуҳатә культура аратәи раԥхьаӡатәи ашьҭақәа,
уи ашьаҭакҩцәа, арҿиаҩцәа зыҩназ, Д. И. Гәлиа раԥхьа
днаргылан; Е. Ешба, Н. Лакоба, дара рыцнагаҩцәа русурҭа
ҭыԥқәа, иахьҩназ, изыҩназ – имаҷӡам абас иԥшаатәу,
иарбатәу, ҳақалақьи ҳареи ҳаибаркыра атәы зҳәо.
Ҳәарада, хыла аԥсуаа рус злам, рышьҭа зным, рымҭа
зным, аҭоурыхтә-архитектуратә ҭынхас иуԥхьаӡартә
иҟоу, џьара-џьара Аҟәа иахаҿсахьан инхақәаз хьчатәуп,
анапы рыдкылатәуп. Уи ҳәара аҭахым.
Аха Аҟәа игылоу, зызварак џьара хышәк змаӡамкәа,
абахҭа еиԥшу, инеибанеиԥшу абырзен, аҭырқәа,
аџьам, ақырҭуа-гыруа ҭуџьар ҩнқәа зегьы ҭоурыхтә
архитектуратә баҟақәоуп ҳәа рҭагалара иахырҟьароуп
ҳәа сгәы иаанагоит. Ииашоуп, аҿыц ргыларақәа
реиҳаракгьы архитектуратә хаҿык рымаӡамкәа, планк,
программак иаҵанамкуа иҟалеит, аха уи аанкылатәуп,
ириашатәуп. Егьирахь, ахәа злыппуа, аԥакәи иагахьоу
аҩныжәқәа ирмузеины иҟаҵатәым Аҟәа. Иара ахьыҟоу,
ишеиҿкаау ала, Аҟәа аҭоурыхтә хәҭеи аҿыци ҳәа хазхазы иузеилыхӡом.
Насгьы, убарҭ ажәытә хыбрақәа рахь иҟоуп ҳара
ҳҭоурых зыдҳәалоугьы, иаҳҳәап, иааҟәымҵӡакәа
зыӡбахә рқьышә иқәку, еимакны альбомқәа рдаҟьақәа ирнырҵо Алоизи иҩны ҳәа изышьҭоу. Иара,
архитектуратә баҟа ҳәа иахьырԥхьаӡо анаҩсгьы,
убра аамҭала уада ҭшәақәак ирыҩнаҟҟы ирыҩнан,
аԥсуатә доуҳатә культура, ауаажәларратә-политикатә
усаҿы зџьабаа рацәоу: зны – ашәҟәыҩҩы-адраматург,
аҳәынҭқарратә усзуҩ Самсон Ҷанба, нас – Аԥсны жәлар
рпоет Баграт Шьынқәба. Аҩны аӡбахә инамыцхәны
изҿыҵаку рахь абри атәы џьара аӡәы иҳәо, иҩуа,
шамахаӡак иҟамлац. Ҳара, мацара баҟак аҳасабала
ауп ишаҳҵо рҳәар алшоит, аха ргәы былуазҭгьы, убарҭ,
убра аамҭала иҩназ ирылшаз рдырырц, рыхә ршьар
рҭахызҭгьы, рыӡбахәҳәарҭагьы роуан.
Ус акәымкәа, дара, дааракгьы изакәу рзымдыруа, аха имодоу адача-туристтә, аснобтә стиль иаҵа
накуа шьоукы ракәзар, рыӡбахә ахьҳәатәызгьы, иахь
ҳәатәымызгьы иадырбон. Избан, изыхҟьозеи абри?
Ҳара иаҳтәу, акультура аума, аҽакы аума, изылшоз
алазгалаз, уи зхы ақәызҵахьоу аӡәы иӡбахә аҳәаразы
џьара ҳаҵаҳаҵрак зырнымԥшуа, шаҟа ихараны изавсуа иавсырц изашьҭоу? Ииашоуп, ара зыӡбахә ҳҳәаз
ҳара ҳзы акыр зҵазкуа жәлақәоуп, ирҭынхазгьы –
убас, аха, ҳәарада, анҭыҵ ауаатәыҩса ркультура азы
иҵегь зҵазкуа ҵҩа рымам. Аха еиӷьу еицәоу нҵәаӡом,
ҳара ҳзы аҵакы змоу ауаатәыҩса ркультура зегьы рҿы
ҵакык амамкәа иҟалаӡом. Ауаатәыҩса ркультура шеибарку, излеибарку уи ала ауп, арҩашк аҟара алазҭәогьы,
цәыкәбар бзиак алазҭәогьы иара азы аҵакы ду рымоуп.
Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы ажәлар ркультура аҷыдара
қәа ирзеизгаган, ирхаҿсахьан, иагьаман иҟазар ахәҭоуп,
убарҭ ртәы зныԥшуа архитектура, убарҭ рмотивқәа
рыла еиҿкаау апаркқәа, аскверқәа, адекоративтә
скульптурақәа, имырмыцхәкәа, гьамала.
Убри аҩыза ахырхарҭа бзиа иалагамҭан, иаҳҳәап,
агенерал Дбар иулицеи Воронов иулицеи рыбжьара
анкьатәи акинотеатр «Сухум» ашьҭахь иҟаҵаз «Аҵан
гәара» ҳәа зыхьӡырҵаз асквер (автор асахьаҭыхҩы И.
Ҷкадуа). Убри асквер аҿы иҭагылаз акафе аҭӡамцқәа
руакы ахышәара-ҵышәара зегьы амҽханакуа иҟаҵан
алакә-ажәабжьқәа рсиужет ссирқәа рыла аҵанаа
ирыхҳәааз аҭӡамц сахьаҩыра ссир. (Асахьаҭыхҩцәа
Шьанаа А., Ӡиӡариа А., Ҷкадуа И.) Иара асквергьы,
иакәыршан аҵангәара (ахаҳәгәара) астиль ала иҟаҵаз
ахаҳәгәара лаҟәы. Аҩныҵҟа иҟан убри астиль иақәнаго
иҟаҵаз афонтанқәа. Ажәакала, ари аиԥш асквер, аҭӡамц
сахьанҵа, ахьӡ – зегьы оригиналра злаз, ҳажәлар ркультура, рмифқәа рҷыдарақәа зныԥшуа, баҩхатәра бзиала
иҟаҵаз, ҷыдала напы зыдкылатәыз, иӡыргатәыз, зыстиль
иҵегьгьы иаларҵәатәыз усумҭан.
Аха, рыцҳарас иҟалаз, асквери акафе ахаҭеи шьоукы иааимаркын, аҭӡамц ианыз асахьаҩыра ду ршьыхит, иара акафе ахаҭа «Старый Сухум» ҳәа ахьӡырҵеит.
(Анкьатәи Аҟәа ари араион аҿы иабаҟаз, ара иӡмахран,
ишәарыцарҭан, уи иахаану ыҟоуп иахьагьы.) Иахьа
уажәраанӡагьы, ақалақь уаа, иара ҳпатриотцәоуп ҳәа
еснагь згәы иҭасуагьы налаҵан, ирбо, ираҳауа, асквер
ахаҭагьы аҳәира иаганы, афонтан хәыҷқәа рмозаика
ԥшӡақәа маҿак асаба рықәчаԥан, иниас-ааиасуа, ауараш
ыжәны иҟоу ирыӡкаҭәарҭахан инхеит.
Ари аиԥш ахамаԥышәара, авандалра дара ақалақь
аиҳабырагьы, иара ус ақалақь администрациа аусзуҩ
цәа рахьгьы, аӡәы илаԥш иныҵеимыршәеит. Аҵанаа
ирхҳәаау алакә-жәабжьтә сиужетқәа, дара аҵанаа,
аԥсуа мифологиа агномқәа, рҟазшьа, рҷыдарақәа, урҭ
иныҟәырго аҟәышра, алаф ссир – ажәлар инарҭбаан
ирдыруа, наџьнатә ркультура иалаҵәахьоу мифқәоуп.
Жәлар ркультура аҟазшьарбагақәа зныԥшуа асахьақәа,
аскульптуратә усумҭақәа ақалақь аладырԥшӡарц
анырҭахха, убарҭ иреиԥшу асиужетқәа иреиӷьу
зыҟалом. Убас акыр ҟарҵахьазаргьы, убарҭ рыла акәын
излалагатәыз. (Уи ала уалагарц азы ужәлар ркультура бзиан иудыруазароуп, иудыруазароуп урҭ ажәлар
рыларҵәара раԥхьа ишыргылатәу, бзиа иубозароуп. Аха
ҳақалақь, уи аҿы амаҵ зуа рзы арҭқәа аҩсҭаамусхәк
еиԥшхеит, ус аҟазара атәы здыруа ижәлар ркультура
дацәтәымуп, зыжәлар ркультура здыруа азыҟаҵара игуп.)
Уажәы ус еиԥш ақалақь аҿы изҿқәоу, урҭ ртематика,
ақалақь аҿы ҭыԥс иазалырхуа уҳәа – еиқәымшәозар
ҟалап. Иаагап, Ф. Искандер иажәабжьқәа рперсонаж
ала иҟаҵоу ахәыҷы искульптура, акәтарцына шаҟәӡа
икны игылоу. Аусумҭа ахаҭа цәгьам. Аха уи ргылатәызар
ҟаларын, автор дахьиз аҩны ааигәара, ма дызҭаз ашкол
ашҭаҿ. Усҟан, уи дызусҭаз, акәты зику – зегьы иаразнак изгәалашәо ҟалон. Ақалақь аҿы, усҟак еилымхкәа,
иахьургылалакгьы ҟалоит, иаҳҳәап, Сандро Чегьемтәи
искульптуратә сахьа акәзар. Сандро Чегьемтәи ихаҿ
сахьа ажәлар рҟынтәи иааит, даргьы дырдыруеит, Ф. Искандер иҩымҭақәа зегьы ирдыргоуп, ажәлар ркультура
ацәа ахоуп.
Акәты згәыҵарӷәӷәа изку ахәыҷы (Чик) итәы еиҳа
иззааигәоу, Аҟәа анаҩс, атәыла зегьы, ажәлар ркультуразы иҟазшьарбагоу ринтерес змам, изгәыцхәым роуп.
Урҭгьы егьырҭгьы еилзырго, ажәлар ркультура зегьы
азы иҟазшьарбагои, еиҳа икамертәу, ақалақьтә колорит
иатәуи еизаашан рыҟаҵара ауп.
Убарҭқәа акгьы иазымхәыцкәа, рхы иааҭашәо, ишаа
ҭашәо икәаптеи-кәаптеины иҟарҵо рҿынархар, имӡыз
жәабран мгьалк аиԥш, ҭәырӷәыла ықәгатәыс иҟалар алшоит. Убарҭқәа рзами изыҟоу ақалақь асахьаркыратә
ҟәша, иара аусзуҩцәа.
Ҳәара аҭахым, ақалақь ахадарагьы рҭагылазаашьа
иаарҭаху зегьы рылнаршом, ирымоу еиҟәырҷҷаны иаздырхалароуп. Иаарццакны зегьы рҭыԥ рықәҵараз макьана алшарақәа ыҟам. Аха ара зыӡбахә ҳәақәоу зегьы
рымч зықәхаша гхақәоуп. Убри иазхәыцырц ауп иаҳҭаху.
Ақалақь ааскьатәи аҭоурых аҿгьы иҟоуп, даара иҵоу
роу, узҿыԥшыша, узызхәыцша аҿырԥштәқәа. Иаҳҳәап,
Н. Лакоба ихаан, хыла иара инициативала, ақалақь
усҟантәи аҭагылазаашьа, аперспектива иазхәыцны
иҟаҵаз аргыларақәа: изылгамкәа инхаз аиҳабыра
рыҩны, Аҟәа визиттә бӷьыцс иамаз асасааирҭа «Абхазия». Шаҟа ииашан, иаҭыԥны ишьҭаҵааз ақалақь ҿыц аргылара аҳарҩақәа. Раԥхьа иазгәаҭатәу, Аҟәа ҿыц аргылара дадԥхьалан усҟан Асовет Еидгыла ахьынӡанаӡааӡоз
иреиӷьӡаз, еицырдыруаз архитекторцәа иреиуаз Шьчуко
Вл. А. Насгьы, урҭ реиԥш иҟаз ахыбрақәа рыргылараз,
рҭыԥ уҳәа ртәы иҿазҵоз ргәаанагарақәагьы, ҳәарада,
ианырԥшхон.
Ажәакала, хыхьтәи ацәажәарақәа рыҿгьы акырынтә
исҳәахьазаргьы, иахьатәи амш амаҵ азуразы, уаҵәы
ҳазлалаго иахьа иаадыруазарц, еиҳа иаҭахны иҟақәо
иреиуоуп ҳазхысхьоу, уи амаҵ азызуаз – анхаҩы инаиркны аҳәынҭқарра иахагылаз иҟынӡа – рԥышәа,
рҳарҩа ахьышьҭарҵоз, ишышьҭарҵоз аадыруазароуп,
ҳақәныҟәозароуп. Реликвиак аиԥш мацара акәымкәа,
ихәарҭоу дырны иаалхны, егьи наҟ инышьҭаҵо. (Ахаҭара
культ ауп ихәарҭоугьы ихәарҭамгьы ареликвиа рылзхуа,
амҵахырхәара анаҩс узаламкьысуа.)
Анаԥшҩы, иахьатәи аглобализациа, атехнологиа зхы
ҭнаҟьаны иҟоу, ас еиԥш ацәажәарақәа раамҭа цахьеит иҳәар алшоит. Аха уи ииҳәо шбашоу унарбоит, еиҳа
ишԥеиӷьу ҳәа уиазҵаар аҭак ахьизымдыруа. Иара убас
иҟоуп, ҳәарада, изҳәо ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа
змам аҳәынҭқаррагьы ыҟам, жәларгьы ҳәа. Аха досу
иҭагылазаашьа ҭыршәшәааны иара идыруазароуп, еиҳа
ихы дахьӡо дахьыҟоу, еиҳа иахьигу, зынӡа дахьымчымхо. Иҟоуп ажәларқәа, атәылақәа, акомпенсациақәа
рзы аҽакала зхы иахәартә иҟоу, амчқәа зыԥшаауа,
уи ала иацәцо. Ҳәарада, урҭ рԥышәагьы иахьынӡауа
ҳхы иаҳархәароуп, аха аӡәы иԥышәа мацаралагьы аҽаӡәы дзыбзазом. Иарбан жәларызаалак дара
рԥышәа, дара рҟазшьа, дара рхаҭара рымоуп, урҭ зегьы шьҭаҵаны аҽаӡәы итәы мацарахь изиасӡом. Ус
иауӡозаргьы, ирҭаххом, дара ртәы карыжьуам. Уи дара
рзы изынасыԥхом. Аматериалтә мазара анаҩсгьы,
ауаҩы зқьышықәсала ишьа-ида иалан иааиго,
ицәаҩахахьоу иара изы хәы амаӡам. Уи ус иаармариан,
ихазы амаҭәеиԥш инышьҭаҵан уцо иҟазар, ауаатәыҩса
рыԥсҭазаара аҵакы ҳәа изышьҭоу иаразнак икаҳауан.
Ахақәиҭра захьӡугьы, убри уақәиҭны, уара ишуҭаху
уалабзазартә ианумо ауп.
Абасала, раԥхьа иргылан, ҳара иҳамоу аԥышәа, уи амч,
ҳара ҳзы зыхьӡ ҳараку зегьы еснагь еиҿҳарцаалароуп,
ҳаԥсҭазаара еснагь шьаҭас иамазарц. Убас иҟаҳамҵозҭ
гьы, иахьа ҳазлаҟоу акы ҳалабзазан ҳзыҟалаӡомызт.
Абас, азҵаарақәа зегьы агәылакны иҟоуп иахьатәи
ҳҭагылазаашьа, ҳажәлар, ҳҳәынҭқарра, ҳаграждантә
уаажәларра. Аамҭа цоит, ҳәарада, зегьы рҽырыԥсахуеит.
Еиҳаракгьы, ҳажәлар, ҳуаажәларра реиԥш, иаҳхысыз
ашәышықәса анҵәамҭа инаркны мацара, адыд-мацәыс
еиԥш, зда-зшьа абриаҟара ҭысны ицахьоу. Уи иаблыз,
иаӡрыжәыз, иаркараз, иарҿыхаз.
Ҳәара аҭахым, ҩажәа шықәса рыла акыр ҟаҵоуп,
аҳәынҭқарра аргылараҿгьы, иара ус аргылараҵәҟьа,
анхамҩа зегьы аҿгьы. Ақыҭа азҵаара иахьа уажәраанӡа
гьы аӡбара шагугьы, иара убас – ақалақь аҿы ҳамч
зықәхо ааглыхрагьы, еиҳагьы – акультуреи абызшәеи
рызҵаарақәа рҿы. (Аҳәаанхыҵынтә иаауа ашәаҳәацәа,
ансамбльқәа – ицәгьоугьы ицәгьамгьы неилаҵаны –
иҳазҳмырхозар.) Иара убас – аполитикаҿгьы. Урыстәыла
ҳахьазханаҵаз, нас – ирацәамзаргьы, аҽа тәылақәакгьы
ҳахьазхарҵаз, ҳәарада, ҳҭоурыхаз, ҳажәлар рмилаҭтә,
рыграждантә хдырра арыӷәӷәаразы, иахьа изҭагылоу,
раԥхьатәи рԥеиԥш еиҳа ргәы азҭаны рыҟазаара маца
раз иаҵанакуа рацәоуп.
Акраҵанакуеит иара ҳҳәынҭқарра қәыԥш, иаразнак ицәырҵыз ауадаҩрақәа, аԥынгылақәа ирылго,
маҷ-маҷ ашьақәыргылара амҩала иааишьоу, иахьын
ӡааргахьоу, уи атәыла, ажәлар рыԥсҭазаара аиҿкаашьа
ишаныԥшызгьы.
Абас, абриаҟараамҭа ареспубликаҿы имҩаԥысуа,
ҳәынҭқаррак аҿы ишыҟалахьоу аиԥш, зегьы рыҵаркуеит:
Амчра, уи иахагылоу, ажәлар, ауаажәларра, аппозициа. Убарҭ зегьы аихьӡарақәагьы аихьымӡарақәагьы
ирылахәуп.
Ареспублика аҩныҵҟа иҟоу амчқәа ахьынӡеиқәшәо,
иахьынӡеиқәымшәо, иахьынӡеизааигәоу, иахьынӡеи
зааибамго уҳәа реизыҟазаашьақәа ааидкылан, макьана
атәыла, аҳәынҭқарра ԥхьаҟа аҿиара алдыршоит.
Аха аҿиара аҟазшьа, ахырхарҭа, амчқәа шаҟа еизшоу,
уаҵәы ҳахьнанагаша, еиҳа иахьыӷәӷәоу, еиҳа иахьԥсы
ҽу, ихырнаан, ажәҩахыр иқәнажьыр ахьалшо – зегьы
иаархмырԥаӡакәа алаԥш рхызароуп.
Уи барометрс иамоу раԥхьа игылоуп ауаажәларра
аҭагылазаашьа, аҩныҵҟатәи атмосфера.
Ҳуаажәларра ахаҭа уахәаԥшуазар, ус хыхь-хыхьла
аилазаараҿ усҟак еиҭакра ҟамлазшәа убоит. Ԥаса
иазгәаҭаз ахәҭақәа зегьы нхеит. Аха, ҳәарада, рҵаки,
рымҽхаки реизыҟазаашьеи акырџьара ирыԥсахит.
Гәыԥқәак, ианыцәгьараз, ашьа анкаҭәатәыз, уаҩы илаԥш
иахьыҵамшәо иҟазарц иашьҭаз, уажәы уаҩы ибла ихысло иҟалеит. Убас, иҟоуп зҽыԥсаҟьан, гәыԥс иҟоу зегьы
ирылаԥсоу; зегьынџьара иҟоушәа иубо, аха џьаргьы
зҭыԥ ззылымхыз.
Ауаажәларраҿ зҭыԥқәа, зегьы рзыҟазаашьагьы ра
цәак изымԥсахуа ани адачатә-курорттә шьаҭақәа рҟын
тәи иаауа роуп. Урҭ еснагь аҭагылазаашьа ахы ахьхоу раԥхьа игәарҭоит. Ианаҭаху ишаҭаху ахархәараз.
Ианакәызаалак иԥҟаны, ишәаны, изаны ишьҭырх
хьоу адемократиеи ауаҩи рзинқәа, рабстракттә
ԥҟаррақәа рыҽрыдкылан иҟоуп. Ҷыдарақәак змоу
аналогк иазхьаԥшырцгьы иҟаӡам. Иҳәынҭқарратәым
аидкылақәа рыҿгьы убарҭ апринципқәа ирықәныҟәан
ауп аграждантә уаажәларра шырхьчо. Уи ахьчара
еиҳаракгьы дара ирусны ирыԥхьаӡоит. Раԥхьа иргылан, аусутә рнаҭоит. Уи, дара ишьақәдыргыло ажәлар,
ареспублика азы иҳаракны иқәтәоу алаҳәа иаҿыҵаку
ашәса ишеиԥшугьы. Аиҳабыреи дареи реиҿцаара,
рус еицушьагьы убри амҩала ауп ишеиҿкаау. Урҭ
ргәыцәҵәҟьагьы, иахьыԥшугьы хазы партиак рыман
иҟаӡам, ус гәынхәҵысҭала еибаркуп, еихьыԥшуп. Уажәы,
егьырҭ ауаажәларратә гәыԥқәа еиҩышша-еихышша,
иԥсаҟьаны ианыҟоу, ирымыздо даныҟам, дара ирҳәо
наӡоит, агазеҭқәагьы, ажурналистцәагьы еиҳарак дара
рбызшәала ицәажәоит.
Иахьагьы, ҳауаажәларра цқьа уагәылаԥшны иубар,
аакьыскьатәи уи аҭоурых атәы ԥыҭк здыруа, иаразнак игәеимҭар залшом, зегь реиҳа иԥсаҟьоу, еиҩшаеихша инхаз, аибашьра аламҭалазгьы, аибашьраангьы ҳауаажәларра гәыцәс иамаз, амилаҭтә-хақәиҭратә
қәԥара аидеиа ныҟәызгоз, иҭоурыхтәхаз ауаажәларратәполитикатә хеидкыла «Аидгылара» еиҿызкааз, зџьа
баагьы, зҭакԥхықәрагьы еиҳа ирацәаз ракәхеит.
Урҭқәа зегьы зыхҟьаз ара ҳзалагом. Уи, ари аамҭа
аԥхьатәи аҭоурыхҩҩцәа ирусуп. (Ахыҵхырҭақәа
рыхҩылаара мацара акәымкәа, ахҭысқәа ирылԥшны,
рыҵанӡа иҭаԥшны, инҭкааны, инҭыркәкәааны алкаақәа
ҟазҵо.) Аха ара иҳәатәуп, убарҭ, убриаҟара шьҭызхыз
абиԥара иатәыз арена аҟынтәи хәыҷы-хәыҷла рынаскьара заацәан ишалагаз. Уи дырццакит, са стәала,
«Аидгылара» усҟан иахагылаз, шамахамзар рышьҭахь
аӡәгьы даанмыжьӡакәа иандепутатцәаха. Ииашоуп,
депутатцәақәак раҳасабала, урҭ руал нарыгӡон уҳәар,
аха ари ауаажәларратә-политикатә хеидкыла ҭадырцәит,
позициа амаӡамкәа иаанрыжьит.
Иахьагьы, иаҳҳәоит, ахеидкыла «Аидгылара» абзоурала, аибашьра аламҭалаз усҟантәи аиҳабыреи, ажә
лари, дара аидгыларааи еидкылахеит, еизааигәахеит,
еицҿакхеит ҳәа. Уи ус акәын, еидгылеит, ахадарақәа
рҿы ражәа акхеит. Аха иҟоуп хыԥара зқәым обиективтә
ҭагылазаашьагьы, амчра зку, аҳәынҭқарра иахагылои, ажәлари, егьырҭ ауаажәларратә гәыԥқәеи, ахеид
кылақәеи адистанциа рыбжьамкәа ҟалаӡом. Аҳәынҭ
қарра ыҟанаҵ ус акәхоит, иагьаҭахуп. Адистанициа,
реиҿцаара, рдиалог иаҭыԥуп. Усҟан ицаз, аҳәынҭқарра
аусурахьҵәҟьахь ииасыз, ахеидкылаҿ изыԥсахшаз аӡә
гьы днырмыжьт. Ҳәарада, ажәлар рҿы абриаҟара аус
зухьаз, завторитетгьы ыҟаз ԥасатәи аинициаторцәа, ус
иалахәыз рахь абџьар зкыртә иҟаз зегьы ишьҭырхит.
Аибашьра ианналага, иаахжәаны ахеидкыла адыркит.
Аибашьра ашьҭахь – уи атәы хаҭала зныкымкәа
исҳәахьеит, изыҩхьеит – «Аидгылара» зегьрыла
изырҿыцшаз ашьаҟьар хианы иҟазҭгьы, усҟак џьа
адымбалакәа еиҭеиҿыркаауан. Убри иара аусура аетап ҿыц акәхон, зидеиақәеи зџьабааи мыӡкәа ажәлар
аиааира рылзыршаз, иаԥхьагылаз амчқәа иреиуаз.
Уи уинахыстәи аусурагьы ҳәара аҭахымкәа, ауаажә
ларразгьы, аҳәынҭқарразгьы даара ихәарҭахон. Аха
аибашьра ашьҭахь уи еиҭеизаагоит ҳәа иалагаз, ма
аҳәынҭқарра амаҵураҿы иҟан, ма уахь рхы хан, ԥасатәи
рсоциалтә шәхымс ихыҵхьан. Урҭ рзы уи аиԥш иҟаз ахеидкыла, аҿыц ҭагылазаашьақәа рҿы акәзаргьы, изхысхьаз, ирымҵәахьаз усын. Ус цхыраагӡан, ҽхьынҳәалак
аиԥш усҟак амҽхак змаз ахеидкыла аҽунаҭомызт. Ус
еиԥш иҟоу ахеидкыла аҿыц ҭагылазаашьақәа рҿы
аиҭарҿыцра алшон, ҿыц иаҵагыло, иара аидеиақәа ҿыц
ирыцгыло, иазхиаз аҿар ыҟазҭгьы. Уи аамҭа аҭахын.
Ара аус злоу, уеизгьы-уеизгьы ахеидкыла аҟаҵара
акәым, убри иаҭаху аидеиақәа змоу, ажәлар зда ихәарҭам
азҵаарақәа еилызкаартә, ишьҭызхыртә, изыхьчартә,
изырҿиартә иҟоу реиҵагылара ауп.
Сгәы иаанагоит, иахьа убас еиԥш иҟоу ажәлар рҿахәы
зҳәартә иҟоу аинтеллигенциа ҿыц рҭыԥ ҭацәны инханы
изыҟоу, дара реиҵагылара убриаҟара аамҭа аҭаххеит
азы ауп ҳәа. Иаҳхаҳаршҭрым, аибашьра аламҭалаз
абасҟак, иазыҟаҵан, еицҿакны иҟаз шьҭахьҟа ацара
ззымдырӡоз ажәлар рҵеицәа рааира, рышьақәыргылара,
шаҟа аамҭагьы, ачҳарагьы, азыҟаҵарагьы аҭаххаз.
Ус еиҵагылаз аҿар ыҟоуп. Аҵара бзиа змоу, иахьа
тәи атехнологиа иалааӡоу, абызшәа рацәа здыруа, дара
ҳара ҳанрықәлаз аасҭа адунеи збахьоу. Аха абра, зегьы неилымхрыда аҭакԥхықәра ахьҳаду, ҳгәы еихьызшьуагьы ыҟоуп. Иааидкылан уахәаԥшуазар, убарҭ даара иахьаҭаху акырџьара анапы рыгзар ҟалап. «Аҿари
аспорти» – абас ахьӡуп ареспубликаҿ аҿар рызҵаарақәа
зегьы зыӡбо ахеилак.
Аҿар дара ринтересқәагьы ирылан иаабом, официалла издырԥхьалогьы, еснагь дара аҿаргьы ихадароуп ҳәа
ирыԥхьаӡо ртәы анырҳәогьы, урҭқәа еснагь ибжьахоит.
Иаҳҳәап, ҳажәлар злажәлару акомплекс зегьы иҿыцны,
инарҵаулан аҵара, убри аҿы ахьчара зҭаху ахьчара,
арҿиара, аамҭеи иареи ааибуа аҟаҵара рызҵаарақәа,
ажәлар рдоуҳатә культуреи, рбызшәеи, шеи-шықәсеитәи
ус рыхцәажәарақәа рҟынтәи аусахь риагара уҳәа.
Уи ҳазҭагылоу аамҭаз изҵаара дууп, збызшәагьы
миллионрацәала ирҳәо, зкультура амаҵ азызуагьы убас
ирацәаҩу ажәларқәагьы, атәылақәагьы рзы. Адоуҳатә
культуреи абызшәеи рызҵаара иахьаҭыԥым, ахааҵа,
ацаргәашә иаҩызан аҟазаара ахьрыхәҭам аҳәынҭқарра
асистемаҿгьы, анхамҩаҿгьы, аполитикаҿгьы сферак
ыҟаӡам.
Аполитика акаҳара, аҭшәахара зыхҟьо раԥхьа игылоуп адоуҳатә культура акҿажьра ҳәа иҩуан ҳаамҭазтәи
поетк, хәыцҩык.
Убарҭқәа зегьы ҳҿар иҵегь ирызҿлымҳазар акәын
иахьа.
Ҳара ҳхаан, ашкол ҳҭанаҵгьы иаабартә иҟан еиҳа
иахьуашәшәырақәаз, еиҳа иахьҳадыӷәӷәалоз, изыхҟьоз
гьы, ус иҟазҵозгьы. Ҳашқәыԥшӡазнатә убарҭ рыхьчара,
реиқәырхара зегь раԥхьа иҳаргылон.
Уажәтәи аҿар, изхаанхаз ҳажәлар риааира ду, уи абзоурала ироуз ахақәиҭра, хырхарҭақәак, уаажәларратә
ҵакык аҭан ирымамзар ҟалап макьана. Уи, ҳәарада,
дара рхала ирхараӡам, ирыгҳархазар акәхап, ҳаргьы,
аҳәынҭқаррагьы, аамҭагьы. Аиашаз, уажәыҵәҟьа изхьыԥ
шышазгьы ҟамлеит. Ԥаса урҭқәа зегьы шьҭызхуаз, ахьӡ
зҳәоз, аус азыруаз уажәы зынӡа аҽа ҽыхарақәак ирҿуп.
Насгьы, уажәы аамҭа ҿыц, аҭагылазаашьа ҿыц иаҭаху,
зда ихәарҭам, уа ауаажәларра иалкаан ишьҭырхшагьы ус
аихшьалара, алкаара мариам.
Иахьатәи ҳҿар уаажәларра ргәыԥк ахь рҽадкылангьы
иҟаӡам. Абжьааԥны ақалақь аҿы зызҳаз аҿар еиҳа рхы
хан акурорттә-дачатә шьҭра атәы злоу ҳәа ҳзышьҭоу
ргәыԥахь. Аха иахьатәиқәа уахь иагьхьамԥшит. Дара
рыгьежьыра рыҽҭагӡаны иҟоуп. Насгьы, акыр иахнагоит иахьа адунеиаҿ иҟоу аигәныҩра ду, ателехәаԥшра,
амобилтә еимадарақәа, еиҳарак акомпиутер, аинтернет.
Урҭи дареи еизеибархоит ҳәа изыԥхьаӡо маҷҩым, аха
ҳара агәыӷра ҳамоуп, аҭагылазаашьақәа цқьа ианрылслак, убарҭ зегьы ажәлар, аинтеллигенциа, аҿар реидкылара, реидгылара, рыжәлари ртәылеи зда ихәарҭам
аусқәа рахь идырхап ҳәа.
Изагхо, абриаҟараамҭа уаҩы ибартә, иаҳартә, агәыӷра
бзиақәа ҳазҭо мычны изыҟамлақәо иреиуазар акәхап,
ԥаса уи ныҟәызгоз уажәы аамҭа аҽа етапкахь иианагахьоу рԥышәа ахьышьҭырымхыз. Изышьҭырымхызгьы,
аиашаз, уажәтәи аҭагылазаашьа уи аметодқәагьы,
ахықәкгьы ахьаԥсахыз ауп. Насгьы, аиаша ҳҳәап, убарҭ
рполитологиа уажәшьҭа адемогогра, аиҭаҳәарақәа
иахьуадаҩыртәыз ыҟоуп, еснагьтәи реицәажәарақәа
рҿгьы.
Убрантәи иргартә иҟоу, убасҟан убри иазықәԥоз рахь,
изылшоз аҿы зхы иамеигӡоз рыхныҟәгашьа, рыцқьашьа,
рычҳара ауп.
Зегьы дара роуп, убарҭ, аҽа етапкахь ииасит ҳәа ҳаз
ҿу, уаанӡатәи аԥышәа змоу зегьы ирыхәҭоу игәыгәҭажь
ны инхаз апроблемақәа, азҵаарақәа рахь, рабацәа,
урҭ рабацәа рԥышәахь, аҿар рхьарԥшра ауп, уи ҳаҭыр
рзақәзарц, ахаҭа еилыркаарц, ахархәашьа рдыруазарц.
Ҳауаажәлар ҩныҵҟала еиҳа еидызкылаша, зышьаҭа
ишиашоу ажәлар ирыларсу, зыграждантә позициа зегьы
ринтересқәа аҵанакуа гәыцә ҿыцны иҟаларц.
Убас, абиԥарақәа ажәлар рыхдырраҿ ишьҭарҵахьоу
аҳарҩақәа рыцхраауеит дара зхаану, аамҭа ҿыц
иашьашәало аҳарҩа ҿыцқәа рышьҭаҵараҿы, ишәаныизаны, ирыцклаԥшны. Абас ииуеит, абас ахы акуеит,
иӷәӷәахоит ажәлар, аҳәынҭқарра шьаҭас, бӷас ирымоу
абиԥарақәа реигәныҩра, реибадырра, реибаркра.
Иахьатәи ауаажәларрагьы иахьеиқәшәақәо, иахьеи
қәымшәақәо, иахьеиқәшаҳаҭқәоу, иахьеиқәшаҳаҭқәам,
иахьеиҿыхо, иахьеизааибагақәо, иахьеицҿаку – зегьы
ҩныҵҟала иныҟәызго мчны, абиԥарақәа реигәныҩра,
реибадырра, реибаркыра амҩала ҳнанагоит макьана.
Уи амҩа шьхацамҩоуп. Аԥсҭазаара мҩа еснагь
иҩадараҵәҟьоуп. Аԥсуаа баша иахьӡрымҵеит Ашьха
цамҩа ҳәа, ажәҩан иалҳәан инагоу аеҵәарыԥхра ду.
Убри иалԥхо аеҵәақәагьы ҳарҩақәоуп, еишьҭагылан иааиуа абиԥарақәа амҩа дзырбо.
Апрель–август, 2012

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
- Büleklär
- Аӡыжь - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3482Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3383Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3460Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3431Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20980.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3450Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3406Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3287Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3413Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3424Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2837Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.