Latin

Аӡыжь - 10

Süzlärneñ gomumi sanı 3413
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2123
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
рымҩақәҵара мацара дара рнапы ианырҵазшәа.

Уажәшьҭарнахыс ишыҟало атәы макьана аҳәара
уадаҩуп, аха, ари аҩызаҵәҟьа апрактика аҭыԥантәи
ахыҭҳәаақәа, ахатәгәаԥхарақәа иреиуазар ҟалап.
Убарҭқәа зегьы ааицылан, ҳинтеллигенциа, ажәлар
рҟынтәи иҩеизи, ара, хыхь, аинтеллигенциа, ақалақьуааа
ирылҵызи, реилалара, реилаҵәара, реицхыраара, ракзааразы наџьнатә иҟаз аҽыхара абыржәы еиҳа иалҵып
ҳәа агәыӷра шҳамаз, ишаҳҳәахьоу аиԥш, еиҳа иԥсыҽхеит.
Абри аиԥш аус аҿы изхароу, изхараму ҳәа иаахҵәаны арбара уадаҩуп. Ари апроцесс аҿы аинерциа, акрызхыҵуа
аинерциа амчгьы ыҟоуп. Уи ус шакәу еилкааны ухы
иаурхәаргьы ҟалоит. Убри еиҳа еилызкаауа, еиҳарак,
ани иахьагьы адачатә-курорттәи «идеологиа» аиуа
ныҟәызго роуп. Урҭ акритика раҿакрагьы мариам. Акритика ҟаҵараҿгьы, аамҭала еиҳа изықәнагогьы гәазҭо,
аԥҟьаԥцагьы шьҭызхуа дара роуп. Насгьы, урҭ еснагь
амчреи аппозициеи ирыбжьоуп, зыбз хаау асыс еиԥш.
Аха «ранҵәҟьа» ааигәа иҟоуп еснагь. Егьа иуадаҩхаргьы,
ираным ҵыгьуа иалагаргьы, «ран» иамҵуа рыздырхоит.
Насгьы, иҳәатәуп, урҭ рҿы имаҷымкәа ишыҟоу аполитиказгьы, аҵараҭҵааразгьы, адоуҳатә культуразгьы адырреи абаҩхатәреи згым, зҵаарақәак, ҭагылазаашьақәак
рҿы зда ԥсыхәа ыҟам.
Аха уа ҳгәы еихьызшьуа, ҳмилаҭтә хақәиҭратә қәԥара
аидеа, ахықәкы, аԥеиԥши зны-зынла, астол иқәҭәоз аӡ
еиԥш, зхы ахьыҟоу зҵыхәа ахьыҟоу ҳцәеилагахьоу, урҭ
иузранажьуам, даргьы ирыдыркылом. Ирыдыркылом,
избанзар уи аиԥш азҵаара урҭ раԥхьа иқәгылаӡам. Урҭ
дара еиҳа ирышьашәалоу, ирнаало ҳәа ирԥхьаӡо аҿы
аҳәынҭқарра амаҵ рур рылшоит. Уинахыс дара акгьы рус
алам.
Ажәлар рыжәпараҵәҟьа иалҵыз, зегьы ирыхьӡар
акәын, ашколқәа рҿы инаӡамкәа ироуаз рҵарадырра
ашьҭыхра, рыжәлар рзинқәа рыхьчараз, дара азин­қәа

ртәы аҵара, амилаҭ хақәиҭратә қәԥаразы ахеидкы­
лақәа реиҿкаара, аибашьра аангьы аԥхьа анеира.
Убра зегьынџьара иахьӡеит. Уажәтәи ауаажәларра
рҭагы­ла­заашьаҿ абасҟак еиҩызышшаз, абриаҟара
еиқәымшәара, абриаҟара еиҿыхара иҟалаз дара ирхароуп ҳәа изыԥхьаӡогьы ыҟоуп. Ус акәзаргьы ҟалап, избанзар зегьы ршьапы зкыз, рҭакԥхықәрагьы еиҳауп,
атәыла, амилаҭ ахьӡгьы ахьмыӡӷгьы зду раԥхьа игылоуп.
Уеизгьы, ҳәара аҭахума, ҩажәа шықәса рыла иҟала­
хьоу шырацәоу аиԥш, ҳҳәынҭқаррагьы, ҳуаажәларрагьы,
акыр рҽырԥсаххьеит, аизыҟазаашьақәагьы. Зегьы дара
роуп, ҳауаажәларра реилазаашьаҿ иҟаз шыҟац инхоит.
Еиҳа зҽызмыԥсахуа иреиуоуп, анкьаӡатәи акурорттәдачатә «идеологиа» аиуа злоу рпозициа, дара зхы
иқәырҵо рҭагылазаашьа.
***
Ҳара, абриаҟара зҭоурых еиларгахьоу, еицаркхьоу,
зхатәы ҳәынҭқарра ҿыц аира акатаклизм иадукылаша ауаажәларратә шьақәгылашьақәа шьаҭанкыла
рыԥсахрақәа ирхаанхаз ҳзы, иҟам зҵаарак лымкаала изхаҵгылатәым, иҿыцны изхәаԥштәым, иҿыцны
ахәшьара зҭатәым.
Убарҭ азҵаарақәа ркомплекс аҿы иалкаан азҿлымҳа­
ра зҭахқәоу иреиуоуп аҭоурых. Уи ухыуҿы анубаалаҵәҟьо
агәы цқьазар, ахра цәгьақәа рҿы рышьҭахь иааиуа изынрыжьуа, ашәарҭа уаҩзго, амҩаҵәҟьа узырбо аҳарҩа
иеиԥшхоит. Иаҳҳәозар, идырхәашьхьоу, зышьҭақәа акыр
еиларгахьоу, ажәытәӡатәи ҳҭоурых акәым, иҵегьы арахь
иааскьаган иҟоу, азежәтәи аҩажәатәи ашәышықәсқәа
рҭоурых, иара ҳара ҳазхаануҵәҟьа аҿгьы, аиаша иахьавсуа, иаахтны иахьавагыло, анаҟә ахьаларчу, ма алегенда иахьеиԥшыртәыз даара имаҷым. Еснагь ҳҭоурых
еилазгоз рхалагьы ракәымкәа, аԥхьаҩ зыгәра иго

ҳҭоурыхҭҵааҩцәагьы ус анрыхьуа ыҟоуп. Ма зны аҽакала
иумҳәар, иумҩыр, аныҟамлоз ирҩыз иаламкьыскәа ус
иахьынрыжьыз маҷӡам. Ишыҟазаалак, урҭ реиԥш ииашам алкаақәа рахь инхаз ыҟоуп. Аҭоурых аҿы ихәыҷу,
ҵакы змам акгьы ыҟаӡам. Амц мцуп, ауаҩы дажьоит,
дымҩахнаҟьоит, идунеихәаԥшышьа бжанатәуеит.
Убри аҟынтә, урҭ еиҭарыхәаԥшны, егьа иашазаргьы аиаша ахаҭа ҳәатәуп. Ахәшәгьы ашоуп, аха ауаҩы
дахәшәтәуеит.
Иаагап, иагымкәа иаадыруеит, ииашангьы ахәшьара
амоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит, аҭоурыхҭҵааҩцәа, иуҳәар алшоит, анапы иадыргахьоу, ажәеинраалақәа рпатетика иадыргахьоу 1866 шықәсазтәи Лыхнытәи жәлар
реилаҩынтра.
Раԥхьа иҳәатәу, усҟантәи аҭагылазаашьа шыуадаҩыз­
гьы, ҳара ҳԥеиԥш аӡбара иалахәыз рахь ҳара ҳахь, маҷк
иадамзаргьы, згәы кыдыз аӡәгьы дшыҟамызгьы, ажәлар
раԥхьа инагылоз, ашәарҭа бааԥсы ишҭагылаз еилызкаауаз ҭауади-аамсҭеи, ма дара ажәлар ирылҵыз аӡәы,
ма гәыԥҩык ҟалазҭгьы, ҳәарада, ахҭысқәа рҿиашьагьы
аҽакала иҟалон, атрагедиагьы усҟак иқәхгахомызт.
Аԥсны аҵыхәтәантәи аҳ иԥа, дшыҷкәынӡазгьы, аҵара
бзиа иман, ижәлар зҭагылазгьы еиликаауан, аха уи
атәы ижәлар израмҳәеит. Баша идырԥшӡоит акәымзар,
иҭахханы дыҟазаргьы, ижәлар драцәажәартә абызшәа
издырамызт. Лыхны дшааӡазгьы, қарҭтәи аҳкәажәцәа
рыхьӡала амадригалқәа қырҭшәа цқьала иҩуан.
Иҟалаша аныҟала, аҳәынҭқар ичиновникгьы, дзыхьчоз
аказакцәагьы реиҳараҩык анындырҵәа, анхацәа рахь
акыр еилызкаауаз абираҟ идыргалт. Ишьҭыхны ҳаԥхьа
угыл ҳәа. Уи иаанагоз еибашьра ҳга ҳәа акәмызт. Иара
абираҟ нимкылт, аха иреиҳәар ҟамлози, ма уажәшьҭа
шәаагыл, зынӡа ҳақәрымхырц шәҭахызар, абра сышьны
снышьҭаҵан шәымцакәа џьаргьы шәсышьҭуам ҳәа. Аха

иара хаҭала даҵанакыр ҳәа акәын дзыцәшәоз. (Убарҭ,
аашә шықәса ҳаҳцәа ҳәа ҳазхәаԥшуаз ртәы, ҭоурыхла,
обиективла иахьауажәраанӡа иҵам.) Аԥсуа ҳәынҭқарра
амчра аҟынтәи ахы ианақәиҭха, Аԥсынгьы иара ишалаз
ианынха, дырҩагьых ахы азышьҭымхырц, Қырҭтәыла
иахагылаз ирыԥшааит урҭ. Дара Шерван-шахаа ҳәа
ирышьҭан. Аԥсуаа урҭ Чачба ҳәа ирыԥхьон, аха дара,
еиҳа иаԥсыуа патриотуп ҳәа ззуҳәашазгьы, знымзар-зны
рыжәла ус иагьырымҳәеит, иагьырымҩит.
Ажәакала, урҭ шьҭрала атиуркцәа агәзаа ҳәа изышьҭаз
иреиуан. Ажәытәӡа Абжьаратә Азиантә, арахь, уажәы
Азербаиџьантәыла ахьыҟоу ахь ирт. Ара сельџьукаа
ҳәа ирышьҭан. Урҭ аамҭала (ажәабатәи ажәеизатәи
ашәышықәсақәа рзы) Азербаиџьан, Ермантәыла,
Қырҭтәыла абжак рнапаҿы иааган ирыман. Шаҟа шьаҟьала рылазгьы Анцәа иоуп издыруа (ҳара уи ҳақәуп,
раԥхьатәи ҳҳәынҭқаргьы ахазарқәа (атиуркцәа) рцәа
далҵит). Аԥсны аҳцәас ианыҟала инаркны нахыс, ҳәсас
иааргоз Агыртәылантәи аҳцәа Адианаа (Дадиани)
рыԥҳацәа ракәын. (Убрагь Қьелышь заҵәык еилеигеит.
Уи аԥсуа ҳәсақәагьы иман.)
Иара усгьы, урҭ рахьтә, уаҩы ибартә, иаҳартә зыжәлари
зҳәынҭқарреи рзы акы ҟазҵаз иара иакәын. Зегьы дара
роуп, Аԥсны хатәгәаԥхарала Урыстәыла ишадло атәы
зҳәоз ашәҟәы знапы аҵазҩыз Қьелышь иԥа Адианаа
рымаҳә иоуп. Аҭагылазаашьақәа убас еиқәдыршәеит.
Иара Қьелышь неихыркәа имамкәа дажәхьан. Убри аиԥш
иҟаз, Аԥсны азы аҵакы ҷыда змаз аус аҿы, итәылазы
ииҭаххаз рацәаршьазар акәхап, иаргьы дахыршьааит.
Ажәакала, ус акә, егьыс акә, Аԥсны аашә-шықәса
аҳра зуаз рахьтә аӡәгьы цәыкәбарк аԥсуа шьа иламызт.
Ауаҩытәыҩса ишьа акраҵанакуазар, абасоуп ишыҟаз.
Аԥсуа ҳәынҭқарра акыр изырҭбааз аԥсҳацәа рахьтә,
Мықәтәи ауахәама еиԥшу архитектуратә шедевр аага­

ны Аԥсны, зҭоурыхтә ԥсадгьыл агәҭаны изыргылаз,
зызқәаҭыԥгьы убра иҟазҵаз Леон III ишьа ауп абра
раԥхьа иргылан аус зуз.
Абас, ашьа аус ауан, ашьҭақәа ма ԥсра зқәым, жәлары
ирзеиԥшу баҟаны иннажьуан, ма ихырҵәагахон.
***
Ҳаиҭаиасып 1866 шықәса ашҟа. Ҳҭоурыхҩҩцәеи
ҳпоетцәеи рриторика агәра угозар, уи епопеиак
еиԥшыртәит, жәлар рфырхаҵара атәы зҳәо. Хәыҷгьыдугьы иахьа уи ишахәаԥшуа ус ауп. Избанзар, рлымҳа
ҭыршьаахьеит, уи усоуп ҳәа.
Афырхаҵара атәы сыздырам, аха уи ҳажәлар ртрагедиа хьанҭақәа иреиуан.
Уажәы аҭоурых ҳзалалацәом, уи атәы уеизгьы инарҭ­
баан ирдыруеит, аха хыла уи зыхҟьаз, еимактәыз аз­
ҵаара аимпериа аршьын ала мацара иахьыршәаз ауп,
ҳажәлар ртәык, убри азҵаараҿы рҷыдарақәа зынӡак
иазхьамԥшыкәа. Иахьа уажәраанӡагьы зегьы даушла
изыӡ­­барц иашьҭоу аимпериақәеи аҳәынҭқаррақәеи, дара
рнапаҵаҟа иҟоу ажәларқәеи еиҿазыжьуа, ишьаарҵәы­
роу аконфликтқәеи аидысларақәеи ҵыхәаԥҵәа зрымам
абас иахьныҟәо азоуп.
Аԥсуаа, иаагылазар зхақәиҭраз иқәԥоз, зхаҵара еицырдыруаз жәларын. Ианакәзаалакгьы, шамахаӡак
акәымзар, иӷәӷәаз, адунеи зырхыџхыџуаз атәылақәа
рыр рҿы аус рыман. Ианакәзаалакгьы акырынтә мчыла,
хыԥхьаӡарала иреиҳаз ирҿагылан. Ирхыргаз аибашь­
рақәа зегьы раан, хаҳәырҵәиа инеины ахра рхы
анырҟьомызт. Ахыхьчашьагьы рдыруан, ахьаҵшьагьы,
ажәылашьагьы. Еснагь ртәыла зынӡа ирызрымымхыргьы,
аӷа иаԥхьа ишьамхышгыломызт. Уи азхара рхақәиҭра
рыхьчон, егьа рцәақәӡыргьы. Аха 1866 шықәса аԥсуа
жәлар рхамҭа-рыԥсымҭа шырҳәо аиԥш ианыҟаз иақә­

шәеит. Қьелышь дызлагаз ижәлар рышьҭыхра, рыҭгара,
рырӷәӷәара, уи ирнаҭаз агәыӷрагьы ииасхьан. Аҳцәа
рышьҭра ахьтәгьы, ҭауади-аамсҭеи рахьтәгьы, дара
ажәлар рыҩныҵҟагьы, ԥсыхәа аныҟамла, зыжәлар рзы
аҭакԥхықәра згартә иҟаз аӡәгьы дзымгылт.
Аҳ иԥа Гьаргь дыҷкәынӡан, 21 шықәса ракәӡан
ихыҵуаз. Уеизгьы, ииҵашаз иҵахьан, Аԥсны акәшамыкә­ша иҟаз аҭагылазаашьа, ажәлар ишакәым шьаҿак
аны­ҟарҵа, ирԥеиԥшыз зегьы реиҳа еиликаартә дыҟан.
Ажәлар, егьа игәамҵны иҟазаргьы, раҳра рымырххьазаргьы, аҵыхәтәантәи раҳ иԥа дара рзы даҳан, ииҳәозгьы
иахаҵгылон. Аха, ҳара иахьынӡаадыруа, уи аҽны, харан­
тәи ажәлар иҭаҷкәым дирбон, сара исзеицәоу ауп шәызҿу
ҳәа. Ишьҭра ахьӡала Урыстәыла изыԥҟаз ауалафахәы
ицәыӡыр ҳәа дшәозар акәхарын. Насгьы, ажәлар рахь
дааиргьы, дҩықәгылан далацәажәартә аԥсшәа изымҳәо­
зар акәхарын. (Арахь, иара убасҟанҵәҟьагьы қарҭтәи
аҳәсахәыҷқәа қырҭшәала амадригалқәа рзикуан.)
Ашьҭахь, иҟалаша аныҟала, изҭашәаз закәы рыцҳараз
еилызкаауаз, уеизгьы дрыԥшааит аҳ иԥа. Абираҟ идыркит, ҳаԥхьа угыл, акы ахы ҳақәҵа ҳәа. Аха идимкылт.
Ижәлар рзы игәы блыҵәҟьозҭгьы, убраҵәҟьа дшьамхышгылар акәын, ижәлар дрыҳәар, драшьапкыр, ма
уажәшьҭа иаагыларц, рыхгьы ҭадмырхарц, ажәларгьы
рықәымӡырц. Усҟак злеиҳәоз абызшәа изымхозар
акәхарын, аха раԥхьа ишьамхы аирсыр, уи зегьы аҳәон.
Џьаргьы иҽимырҵысит. Ишьа акгьы иҵанамҳәеит, мацара ихы злеихьчашаз ала дныҟәеит.
Ҳәарада, ажәлар зегьы уаа еиҟарамызт, ҭаӷьӡаа
иреиԥшмызт, аха урҭ иреиӷь-реиӷьқәаз рҳәатәы аус
ауртә иҟамлеит. Ас еиԥш аан еицәоу рыбжьы зегьы
аҵанарӡуеит. Убарҭ иреицәаз роуп, зцәазна ыжәны,
раԥхьа ихысыз, зегьы еилазҵаз, иӷыӷкны иҟаз ажәлар
амца зкыз акәасҭха рылазыжьыз.

Наџьнатә ажәлар еидкылан изкыз аԥсуареи уи
бџьарс иамаз аламыси ас еиԥш аан иахьынӡахәҭаз аус
азымуит. Ажәлар рыхдырра уахгьы-ҽынгьы аус ауазҭгьы,
уи ахы иқәызҵо дамазҭгьы, уажәраанӡа ламысла зус
рыӡбоз, уажәшьҭа иус ашьауӷахь инагатәын. Уи иҵегь
заа иҟаҵатәын (иҟалап, иара иахьагьы, ҳҭагылазаашьа
шыцәгьамгьы, Аԥсуара ашәҟәахьы ииаган, убас еиԥш
арыӷәӷәара аҭахызар, иара идырмариарц изҿу аламыс
ацхраараз, амч аҭараз).
Аҽны имҩаԥысуазгьы аламыс амч ақәхомызт,
иҭаӡомызт. Ажәлар, инызкыло, еидызкыло, раԥхьа игыло
аӡәы, ма ԥыҭҩык рымамкәа, иара усгьы рҭагылазаашьа
цәгьаны, ргәыӷрақәа кабаны ианыҟоу, иаагылазар еснагь инызкылоз, ахы иқәызҵоз, еиқәзырхоз аламыс
уажәраанӡа иахьеиларгахьоу зегьы еицылан, аӡы­хәашь
еиԥш ирыҵалоит, даргьы ҳхы знаҳҟьарыда ҳәа, ирҳаз ауаса реиԥш, абахә ахь иԥоит.
Аҳцәа рышьҭра аамышьҭахь, дырҩагьых ажәлар
хьазырҳәыртә иҟаз ҭауади-аамсҭеи ракәын. Аха урҭ рыд­
гьылқәа рыцәцар, анхацәа ирылҵны ироуаз иагхаӡар
ҳәа ишәон, аха, зегьы иреицәаз, зыжәлар ираӷаҵәҟьаз,
абасынтәи иқәган Ҭырқәтәылаҟа изгар зҭахыз ракәын.
Аҽа шьоукы аҽыргәаԥра инахыҳәҳәан, ҭакԥхықәрак
рхахьы иргар рҭахымызт. Иҟало зегьы зхароу аҽа шьоукы ракәзар, аҭакԥхықәрагь урҭ иргааит ҳәа иҟан.
Иҟалап, Кониар ишьраан раԥхьа ихысыз аҭырқәцәа
рахь иадызцәылоз, зхы наҟ изырхахьаз шьоукы даахәан,
дазыҟаҵан дрымазҭгьы. (Убри аганахьала арҭ ахҭысқәа
цқьа иҵам.) Урыстәылантәи ашьклаԥшцәа ракәзар,
уҩахан иузышьҭымхуа ашәҟәы ду ҭрыжьит, Лыхнашҭа­
тәи ахҭыс ашьҭахь изакә чарҳәароу иҟалаз атәы, дара
ачарҳәаҩцәа шаҟа ирацәаз, хаҭа-хаҭала рыжәлақәа арбаны. Уи еиҳараҩык ҭауади-аамсҭеи ракәхеит.
Ажәлар ҩ-ҳәынҭқаррак, ҩ-агерессорцәак ианрыбжьаха, еимырхха ианырку усоуп. Аха ҳара ҳаиӷьхар

аҭахымзи. Урҭқәа раан рҽааныркылар, зычҳара даара
ицәгьаз рычҳар – убри акәхон аиааира.
Аха ус иҟамлеит. Уи аилаҩынтра бааԥсы иалахәыз
арык анхацәа Аҟәа агаҿаҿ икыдҵан иршьит. Иаанхаз
рахь, рыбжаҩык, ҭауади-аамсҭеи аараԥызан, ԥсра-ӡра
амшын ихылт. Аԥсуа жәлар зегьы ахара зду ажәлар ҳәа
ирыԥхьаӡеит, зинқәак ирымазгьы аарымхны.
Ииашоуп, ҳажәлар усҟантәи рҭагылазаашьа уажәы
ҳхаҿы аагара ҳзымариам. Уеизгьы, Аԥсны, аҳратәра
атәы адгьыл азҵаара шыҳасабыз, анхаҩи ҭауади-аамс­
ҭеи реизыҟазаашьақәа зеиԥшраз атәы, аҳратәра аԥых­
разы урыстәылатәи ареформа зынӡа ишԥырхагамыз
ахь­ҳәатәыз изҳәоз ҟалар, ас жәларык зегьы рԥеиԥш
агәаҵаӷаранӡа иҭаԥҟаны инзыжьыз атрагедиагьы ҟамлар
алшон.
Ус зҳәоз ҟамлеит, ажәлар наҟ ирыгәҭасны амца
иалазырԥалоз рыда. Ани, ԥшь-сааҭк дцәажәон ҳәа
изхыҽхәо ешыратәи анхаҩы, ицәажәара ҵакыс иамаз
ҳаздырам (иџьоушьаша, ииҳәоз закәыз акәым, убри
ԥшь-сааҭк ахьагаз ауп иџьаршьо). Ус еиԥш аан алакәқәа
рҿеиԥш, ажәала аӡы сыршуеит ҳәа далагазар, баша
ӡҭахысран.
Урҭқәа, ахаҵарахь егьа иурхаргьы, ианакәзаалак
зхәы ҭазмыжьуаз ажәлар рзы ихаҵарамхеит. Убас
иагьҳәатәуп, иагьҩтәуп, ибзиан иҭҵааны, инарҵаулан
анализ азуны. Ажәакала, ииашан ахәшьара аҭара иахьазы акраҵанакуеит. Ҳара заԥхьаҟа ишьҭоу амҩа
еснагь иуадаҩу ҳзы. Амҩа иаша узырбо аҳарҩақәа
иахьырҭыԥу ишьҭаҵахоит, абри аиԥш иҟоу ахҭысқәа
ртәы зҳәо, изыҩуа, ибзиан иҵаны, зызҩагьы зымҵәахыз
рышьҭахь. Ус акәымкәа, уа ԥыҭк, егьирахь аҽа ԥыҭк
ныжьны, аиашаҵәҟьа мҳәакәа ианавслак, ианеицылалак,
иааидкылан ауаҩы, ажәлар рдунеихәаԥшышьа еицанакуеит, иҭоурых асаркьагәы ихыиҿы анибало, дызхысыз

амҩагьы рҵагак, хсаалак аиԥш иаԥхьаҟа иҟоу амҩа ииашан инарбо изыҟалом.
***
Ҳаӷацәа еснагь ҳҭоурых иачычан. Иачычан, избанзар иара ҳаман. Дара иҳамамзар рҭахын. Усҟан акыр
ирзымариахон рнапахьы ҳаагара. Иахьа, абри аиԥш
аҭагылазаашьа анҳау, ҳҭоурых нагӡаагӡан иҩхароуп,
иҩу ахьыриашатәу ириашахароуп. Иахьаҭыԥым ишьҭоу
аҳарҩақәа ииаган, иахьырҭыԥу, амҩа иаша иадыргахартә
иҟаҵатәуп. Уи ҳҳәынҭқарра аргылара иахәҭакуп.
Уи, ҳәарада, унадыххылан иузыҟаҵом, иҳамоу аҭоу­
рых­дырҩцәа даара рҽыршәароуп, иҳамам ажәытәӡатәи
аматериалқәа зыԥшаартә, еиҭазгартә иҟоу азыҟаҵатәуп.
Ԥаса ҳҭоурых азы аиаша аҩра уадаҩын. Иҟан
зҵаарақәак, зынӡа зылацәажәара ҟамлоз. Аха ибзиан ирдыруаз, рымч зықәхартә иҟаз атәы аиаша ҩны ирҵәахыр,
уажәы иаацәырҳамгози, аха усгьы аӡәгьы изыҟамҵеит.
Уажәы иҟоу, иҳамоу аҭоурыхҭҵааҩцәа адыррагьы
змоу, абаҩхатәрагьы злоу, убри аганахь ала аус руеит. Аха абра угәы еихьызшьуагьы ацәырҵрақәа ҟалеит:
аҭоурых «абзиабаҩцәа» рацәаҩхеит, ашәҟәы ҟьантазқәа,
аброшиурақәа ҭрыжьуеит. Аиаша ҳҳәап, изылшогьы излымшогьы анаҿу ыҟоуп. Итәаны ианырымбо, ргалстукқәа
ҟьаҟьаӡа уахгьы-ҽынгьы ателевизор иҭатәоуп, ани шыҟаз,
ари шыҟалаз, усҟан иҟаҳҵаз, иҳалшаз ҳәа, иҩагылан рхы
дырбо. Уажәраанӡа иаҳҭаху ҳдырҩуам ҳәа ҳгәамҵуан,
уажәы иаҳҭаху ҳҩыртә ҳаҟоуп, убрыгь ԥышәара дууп.
Аҭоурых иныҟәнаго аиаша ахәшә еиԥш ишәазароуп,
изазароуп. Усҟан ауп агәрагьы анырго, аҳаҭыргьы анамоу, амчгьы. Егьирахь, аҟаҵатә ҳара ҳҭоурых аҿы аҟара
иабаҟоу.
Ишдыру аиԥш, ҳажәлар рҭоурых аҿы ҳнапы ахьын­
ӡанаӡозгьы, хыхь-хыхь мацара иҭҵаау, ма зынӡа

изхыҩрны ицаз ыҟоуп. Уи ус изыҟалаз ахыҵхырҭақәа
ахьмаҷу, ма иахьыԥшаам мацаразгьы акәым. Ус изыҟалаз
ҳәагьы аӡәгьы дашьҭаҵааӡом.
Иаҳҳәап, ҳара ҳҭоурыхҩҩцәа русумҭақәа рҿы, ҳажә­
лар рыхәҭа хадақәа иреиуоу асаӡқәа, аԥсилаа ртәы
иубартә еиԥш иагуп. Ажәытәӡатәи ҳаҟәыҵып, иара
ааскьатәи ашәышықәсақәа иахьынӡарыҵаркуагьы. Ииашоуп, Аԥсны зегьы аҭоурых аҭҵаара иагуп, ҳахьахьымӡаз,
ҳахьахьырмыгӡаз ыҟоуп, аха арҭ арегионқәа рахь аинтерес игәоуҭартә имаҷуп иара абазгаа рытәгьы, Аԥсны
агәҭаҵәҟьа ахьаҵанакуаз, амшын иӡхыҵуазгьы, ашьха
ихыҵуазгьы еиҳа иахьырҿархасҭаз, акыр шәышықәсақәа
ртәы зҳәо ахыҵхырҭақәа, аматериал маҷымкәа иахьы­
ҟоугьы, макьана зегьы ҭҵаам. Аԥсилаа рареал акәзар,
уа абаарыԥхрақәа, абаҟақәа шырацәогьы, иара Аԥсуа
бааҭӡамц дугьы уахь ишаҵанакуагьы, рыҭҵаара еиҳагьы
иагуп.
Зынӡа акгьы иаламкьысыц узҳәом, аха ҳархео­
логцәагьы ари арегион аҿы иҟарҵахьоу даарак ира­цәам.
Иаҳҳәап, еицырдыруа археолог Воронов Ҵабал­тәи
иархеологиатә ԥшаарақәа еиҳарак изызкыз абыр­зен­
цәеи аримлианааи рышьҭақәа рыԥшаара акәын. Иара
убри Дали Ҵабали ррегион аҿы мацара шаҟа ыҟоузеи
ухшыҩ ззушьҭыша аԥсуа жәлар рҭоурыхтә-материалтә,
доуҳатә культура мацара атәы зҳәо абаҟақәа. Урҭ иахьа уажәраанӡа ибжьаханы иҟоуп уҳәар алшоит. Зынӡа
иҵаӡамкәа инхеит ақалақь ароль назыгӡоз аԥсуа
еиланхарҭа ҭыԥқәа: Дал, Ҵабал, Гәылрыԥшь, Мықә, Тамшь,
Бедиа. (Идыру усуп, ажәлар рхаҭа рышьақәгылараҿ,
еиҳаракгьы аҳәынҭқарра аҟалараҿы, иара ацивилизациа аҟалараҿгьы ақалақьқәа рҵакы ду атәы.
Иахьа, ҿыц ирыӡбо атопонимикаҿ аума, сасааирҭа
ҿыцк аума, дәқьан дук, спорттә хеидкылак иатәу аума –
«аԥсилаа» ҳәа ма иара ажәа иахылҵыз «аԥсуа», «аԥсуаа»

ҳәа џьара акы иахьӡны, убас иҟоу аказы рхы иадырхәо
убаӡом. Атәымуаа, аҭырқәцәеи арабцәеи шҳаԥхьо «Абаза» ҳәа зыхьӡырымҵац иарбан.
Иара атопонимикатә хьыӡ ҿыцқәа рыӡбашьа, реи­
хырԥсашьа убас еиладырҩынтит, уацәыԥхашьап. Иаҳ­
ҳәап, Аҟәа, аҳҭнықалақь азы иаарыӡбаз ахьӡқәа, ра­
ионтә центрс иҳамоу зегьы рыҿтәи аҭыԥқәа, амҩақәа,
обиектқәа ирыхьӡырҵеит, еишьҭрықәлан. Уи, раԥхьа
иргылан иаҳәо убри ауп, аҭыԥантәи аиҳабыра, «сахьасуа уас» апринцип инахыҳәҳәан, дара ринициативак
шрымаӡам. Уи ҳарӷаруеит.
Аҭыԥқәа ахьӡ рыҭара ҳбызшәа иаҷыдоуп. Уи ҭоурых
усуп, культура усуп, аилагара ҟалаӡом. Ахьӡқәа адгьыл,
ҳаԥсадгьыл иабызшәа ҷыдоуп, иабызшәа ссируп.
(Иара убас, абра иацысҵар сҭахуп амзақәа рыхьӡ
аԥсахра. Уи аӡәи ҩыџьеи ирыӡбаз усуп. Ас еиԥш
азҵаарақәа рыӡбараан инарҭбааны ауаа ргәаанагара
иазҵаатәын. Ари, ирццакны, даарак иазымхәыцкәа
иҟаҵоу усуп. Адунеиаҿ зегьы ирзеиԥшу григориантәи
акалендар амза хьыӡқәа, еиӷьны иацныҟәартә, маҷк
ҳара ҳҳәашьа инақәыршәан ишьҭыхыз, ҳбызшәа иаднакылахьан. Егьирахь, ажәытәтәи амза хьыӡқәа (урҭ
авариантқәа рацәоуп) зегьы, хазы ҭоурых реликвиак
аиԥш ркалендарқәа ҭыжьлазар ӡәыр даҳԥырхагазма. Ари
иааинырслашәа ирыӡбаз акы акәхеит, ажәлар рыҿгьы
ирыдрымкылаӡеит. Аглобализациа ҳҽацәаҳахьчароуп,
аха ахьаԥарч еиԥш ҳцәа ҳҭалан акәымкәа. Иаабац
ахьыӡқәа хымԥада ирхынҳәтәуп.)
Аҟәа араиони, Гәылрыԥшь араиони ара иахьааигәоу
аҟынтәгьы, археологцәагьы, аҭоурыхдырҩцәагьы Ешыра, Ҵабал, Дранда, Уарча еиҳа ирыҿцаауеит. Зегьы дара
роуп, абарҭ адгьылқәа, абри аганаҿ инхоз Аԥсны аҭоурых
азы ирыҵаркыз цқьа иаарԥшым. Амраҭашәарахь ала
амшын иӡхыҵуаз Пицунда ишачычаз аиԥш, абра, Аԥсны

агәҭаҵәҟьагьы убас иачычан. Ажәытәӡатәи аҭоурых
иаҳәоит, Нхыҵҟа ахыҵырҭақәа знапаҿы иаазгарц иалагаз, аӡәгьы дыззымиааиӡоз римтәи ар раԥхьагылаҩ
Помпеи ир Кәаначхьыр иахырмыжьит ҳәа. Абахә рбганы
рымҩа ркит. Абра, Кәыдри Гәымсҭеи рыбжьара, Аԥсны
агәы иқәынхоз, иҟалап, иааидкылан уахәаԥшуазар,
Аԥсны егьырҭ арегионқәа раасҭа еиҳа иҿиаз ҭыԥызҭгьы.
Ажәанба ииҩыз аетнографиатә етиудқәа рҿы уаҩы ибоит, аратәи ақьабзқәа егьырҭ арегионқәа рҿы иаадыруа
ишреиԥшым, еиҳа ишаартыз, еиҳа ахақәиҭра шрыцыз.
Убри зегьы ықәыӡәӡәаан, наҟ иахьцоз иргеит, иахьа иҟоу ҳажәлар рқьабзқәа рҿы инымхаӡеит. Насгьы,
иазгәаҭатәуп ҳәа сгәы иаанагоит, Гәымсҭеи Кәыдри рыбжьара амсылманра мчы амоуит, убасҟак ақьырсианра
ашьаҭақәа ӷәӷәан ҳәа. Абри арегион иатәыз материалк
аҿы иаҳәоит, раԥхьатәи амҳаџьыррақәа рышьҭахьгьы,
Дранда ауахәамахь Анцәа иҳәара инеиуаз аԥсуаа
рхыԥхьаӡара 30 нызқьҩык иреиҵамызт ҳәа.
Гәымсҭеи Кәыдри рыбжьара ибзазоз шеибакыз
иқәырцеит, ԥсра-ӡра амшын ихымлар ада ԥсыхәа
рмоуит. Избанзар урҭ, абри арегион аҿы зыԥсадгьыл
зхы ақәызҵоз, ақәԥара иаҟәымҵуаз, еснагь ашәарҭа
иҭаргылан ирыман аҳәынҭқар имчра ныҟәызгоз. Насгьы,
ари Аԥсны агәҭылса, зхахьы астратегиатә ҵак ду змаз
ахыҵырҭақәа ыҟаз, аимпериа мчрақәа рхазы ирҭахын,
даҽаӡәы дзырԥырхагамхо. Иара убас, аԥсуа субетнос
асаӡқәагьы, Бзыԥ инаркны Мзымҭанӡа иқәырцаӡеит. 1866
шықәсазы Аԥсны аҳ итәарҭа Лыхны иҟалаз аилаҩынтра
Гәдоуҭа араион Кәыдры инаркны Аалӡганӡа еихьыԥшны
амҳаџьырра идәықәлеит.
***
Кәыдры нырцәтәи арегион аҭоурых аҭҵаара, аба­
ҟақәа, археологиатә ԥшаарақәа, ареволиуциаантәи

урҭ рҭагылазаашьа ҷыда, иара ареволиуциа ишазыҟаз,
арево­­лиуциа ашьҭахь, асовет мчы актәи аҩбатәи
ажәашықәсақәа раантәи аҭагылазаашьа, арегион
иалҵыз ареволиуциа алидерцәа уҳәа ртәы иҭырҵаахьоу
аиҭахәаԥшра рыгуп.
Ажәытәӡатәи аҭоурых ахьтә, егьырҭ ҳарҟәаҵып,
Мықә ауахәама атәы, уи ҭоурыхла архитектуратә шедеврк аҳасабала иаҵанакуа уҳәа акыр инарҭбаан,
инарҵаулан
иҭҵаам, иахцәажәам. Абри
аиԥш
адинхаҵаратә хьыҵәцара зыргылаз аԥсуа ҳәынҭқар
ду Леон III инышәынҭра аӡәгьы дҭамԥшыц. Иара усгьы,
зқьы шықәса инархыҳәҳәо изхыҵуа ауахәама акәшамыкәша археологиатә ԥшаарақәак ҟарҵахьеит ҳәа
смаҳац. Ауахәама ҩ-ӡиаск рыбжьара наҟ-ааҟ ацаҟьа
бахәқәа змоу адгьылбжьаха иқәгылоуп. Убарҭ ацаҟьақәа
џьара ҿышәҭак рыман, рыҩныҵҟа акы ҵәахызар ҳәагьы
аӡәгьы иҭимҵаац. (Ус еиԥш агәаанагара змаз ауахәаматә
ҟазараҭҵааҩцәа ыҟан. Иаҳҳәап, академик Афанасиев.)
Аҭырқәцәа Аԥсны ианахаԥа, зуахәамақәа зегьы ҭарцәны, иаарыҩназ зегьы Гелаҭҟа изгоз реиԥш
акәымкәа, хара ихәыцуаз аӡәы убра џьара акры нижьзаргьы ҟалоит. Ишдыру аиԥш, Гелаҭҟа иргаз акгьы арахь
идмырхынҳәит, иара ус уаҩы иахьибашазгьы инырмыжьит, анышә иҵаҵан шырҳәо ирҵәахит, ирӡеит. Избанзар Аԥсуа ҳәынҭқарра ыҟанаҵ дара рхашҭхьан, уажәы
аҭоурых аадырҳәыр рҭахын, зыжәҩа ҭҟьаз имаҭәа
аарҳәны ианишәырҵо еиԥш. Урҭ акрыҟан, зқьы шықәса
инареиҳаны изхыҵуаз аԥсуа қьырсиантә культура иамаз, иахӡыз, иарҳаз зегьы. Урҭ абриаҟараамҭатәи, еиҳа
акрызҵазкуаз аамҭазтәи ҳкультура нкылахәаша идырӡит.
Ҳқьырсианра аҭоурыхгьы, ахәламшәы ҭырблаазшәа,
иҿаҳаӡа инрыжьит.
(Мықәтәи ауахәама 1000 шықәса ахыҵра аиубилеи
ахь дааит еицырдыруаз ауахәамаргылара аҟазараҭҵааҩ,

академик Афанасиев. Аиубилеи ашьҭахь уи иҭаххеит
Ԥсырӡха (Афон Ҿыц) дцарц. Уи уахь диццон аԥсуа
уахәамаҭҵааҩ Ан. Кациа.
Анатоли Константин-иԥа Кациа анаукақәа дыркандидатын, акрыздыруаз ҟазараҭҵааҩын. (Угәы унархьратә
иҟоуп уи идыррақәа, иҟазараҭҵаара, ихаҭара иахәҭоу
ахәшьара ахьамам, иԥсҭазаара даналҵ, иара аус ахьиу­
қәаз, Аԥсуа институти ауниверситети рҟынтә адыш­
шылараҵәҟьа ахьыҟарымҵаз.) Ан. Кациеи сареи
сан­с­ту­дентыз аахыс ҳаибадыруан, сара сзы уи даара аинтерес зҵаз, здыррақәа, зкультура ҳаракыз, згәалашәара
ухамышҭуа уаҩын. Уи иҭаххеит Афанасиеви иареи ахьцоз сигарц. Саргьы сеигәырӷьан срыццеит. (Ашьҭахь,
ҳаныхынҳәы, даҽазнык ҳаиқәшәеит ҳахҩыкгьы.)
Афанасиев, идырра, иҵаулара анаҩсгьы, даара дуаҩԥсы бзиан, жәытәтәи урыс интеллигентын. Уи
иҳаиҳәеит Мықә ауахәамеи иареи рҭоурых. Иара, зынӡа
иҷкәыназ анаукақәа ркандидат, иҭаххеит идоктортә
диссертациа Мықәтәи ауахәама аматериал ала ирхиарц. Уи ауахәама хәыц-хәыц иҭиҵааит, ишәеит, изеит, адиссертациагьы иҩит. Ахьчараз ианцәырига, иаразнак иныркылт. Қарҭтәи аԥшыхәцәа зегьынџьара
итәан уеизгьы. Афанасиев днеиԥхьеит ақырҭуа академик Ҟаухчишвили. (Қарҭаа ршовинистра еицырдыруан,
аха уи аҿы Ҟаухчишвили аҽаӡәы диеиԥшыҵәҟьамызт.)
Аԥсны автономиатә республика аминистрцәа рсовет
ахантәаҩы Архип Мирон-иԥа Лабахәуеи акоммунисттә
партиа аобком амаӡаныҟәгаҩ Иван Константин-иԥа
Ҭарбеи Асовет Еидгыла аиҳабыреи, акоммунисттә партиа ацентр комитети рахь ирҩыз ашәҟәаҿы, аԥсуа жәлар
рҭоурых еицазкуа раԥхьа игылоу «Фашиствующий Каухчишвили» ҳәа дадырбеит. Ҳмилаҭтә хақәиҭратә қәԥара
аҭоурых аҿы, убарҭ аҩыџьа, убри ашәҟәаҿы раԥхьаӡа
акәны ареспублика аиҳабыратә напхгара рҿала их-

тны иқәдыргылеит Аԥсны Қырҭтәыла алҵра азҵаара.
(Уажәтәи политик ԥаршеицәақәак усҟак зҵазымкуа
афактқәа, ажәалагалақәа ртәы иааҟәымҵӡакәа ишырҳәо
ауаа рлымҳақәа ҵырххьеит, ари аиԥш акрызҵазкуаз
ажәалагала атәы мҳәаӡакәа.)
Ҟаухчишвили иаахтны, иаахжәаны Афанасиев иеи­
ҳәеит, уԥсы ҭаны унхарц уҭахызар, абри удиссертациа
амца иақәҵан иблы, аӡбахәгьы уҿы иҭыхны уаҩԥсы
иаумҳәан ҳәа.
Ажәакала, Мықәтәи ауахәама иазкыз идиссертациа
ахьчара азин имырхит. Афанасиев дҟаза дуун, уи идыруан ирацәаны ауахәамақәа рҭоурых, ҟазаратә школс
изҵазкуаз. Убасала, уи Мықә ауахәама аҭҵаара даналагазгьы идыруан, Киевтәи Софиатә ҳәа изышьҭоу
ауахәама иалагаанӡа, аҟазацәа Мықә иааны, зыргылара
иаҿыз ауахәама атәы инарҵаулан ишҭырҵааз, нас убри
аҩызаҵәҟьа Киев агәаҿы ишдыргылаз.
Афанасиевгьы Киев дцан, Мықә ауахәамаз имаз
аматериал, џьара-ҩыџьара хәыҷ-мыҷқәак рҿы иахьеи­
қәымшәоз иааириашан, идиссертациа, Киевтәи ауахәа­
ма ҳәа инаниҵан, ихьчеит. Ашьҭахь дакадемикхеит, уи
аҭҵаарадырра адунеиаҿ деицырдыруа дҟалеит.
«Шәаргьы ишәхыбаауеит, шәҭоурыхгьы иахыбаауеит,
– иҳәеит уи, зны ҳахьааиқәшәаз. – Аиаша цәырҵыр ҳәа
ишәоит. Уи мааԥшырц азы иҟарҵо ала, иааԥшыр, рҭоурых
азы иааиқәдырҽаҽахьоу зегьы арбгозар акәхап. Аха
убри аиаша нагӡаҵәҟьан шәаргьы ишәыздырам, ҳаргьы.
Уажәыҵәҟьа Урыстәылантәи ҵарауаҩык уи далакьысуам, избанзар иҭҵаарадырратә кариера акәым, иаргьы
дақәдырӡуеит. Сгәы иаанагоит, убарҭқәа цәырҵаанӡа
шәара шәқырҭуартәыр рҭахуп ҳәа. Нас ҽԥныҳәа ҳауам
ҳәа ихәыцуеит. Аха сара агәра згоит, мышкымзар-мышкы дара рымчгьы шцо, шәара шәҿгьы ишыҟало ауаа уи
аазырԥшыша, аҵарадырра иақәнаго мацара акәымкәа,
ахаҵагәы зызҭоугьы…»

Уажәы ҿыцбарах ибаны исгәаласыршәоит уи аҵа­
рауаҩ ду, академик ииҳәаз. (Шаҟа шьҭнахуазыз усҟан
академикра! Шаҟа иладырҟәызеи, акгьы аанамгаӡо
иҟарҵазеи уажәы. Зегьынџьара сыздырам, аха апост­
советтә тәылақәа рҿы. Убасоуп акырџьара ироуз
ахақәиҭрагьы рхы ишадырхәаз. Уи улахь еиқәнамҵарц
зыҟалом.)
Уажәы аҭагылазаашьа даара аҽаԥсахт. Изҳәо, изыҩ­
уа, изыԥшаауа дҟалар, ицхраауа, зегьрыла деиқәзыршәо
ҳәынҭқаррахар ҳҳәынҭқарра, уи амҩа ҳақәлартә иҟоуп.
Ҳәарада, уи уажәыгь имариаӡам, иара шьҭызхыртә,
изылшартә иҟоу ауаа ҳауаанӡа. Дара рымц зыхьчаша рымоуп, насгьы, уи адунеи иахьыргӡахьеит, изхадырҵахьоу
рацәаҩуп. Ари адунеи аҿы, аиаша рхарҵара аасҭа, амц
рхарҵара мариоуп.
Аха, уи атәы иара ус иуҳәар аныҟамлоз ҳаҩхны, иахьа
ҳахьыҟоу ҳааизар, убарҭқәагьы, хымԥада, ҳрыхьӡоит.
***
Мықәтәи ауахәама, шаҟа иазхәыцны, иақәыршәан
аҭыԥ ылху, аракурсқәеи аперспективақәеи шаҟа еизаашо мацара иаҳәоит, уи аргылаҩцәа аҭыԥ шаҟа ирдыруа.
Мықә уанӡатәи жәытәӡатәи ныха ҭыԥын, иныҳәарҭан,
ԥшьа ҭыԥын, аха уи мацаразгьы иалхымызт ари аиԥш
аҵакы ҷыда зырҭаз Анцәаиҳәарҭа ду ахьдыргылоз. Иаакәыршан, амрагыларахьтә, амраҭашәарахьтә,
аладантә, аҩадантә – еиҳа ауаа ахьыжәпаз аиланхарҭа­
қәа рыбжьара, зегьынџьара харантә иубарҭан. Дгьылижәҩани ирыбжьакнаҳаушәа, икеи-кеиуа ицқьаз Мықәи
Дәаби рнапы иқәыргылан иркыз, иазхаша аҟьаҟьара
змаз ахәызқәаҿ.
Адгьыл, аҭыԥ адырра, егьа дҟазазаргьы, алаԥш хиа
имазаргьы, иаразнак иахьаҭаху инацәа изақәкуам. Убри
азы абри адгьыл аҿы дины, дааӡахьан дыҟазароуп,

амгәарҭа иҭигахьазароуп. Абри ауахәама аҭыԥгьы убас
иҟаз аӡәы иалихит. Иара ахаҭа зыргылозгьы дреиуан.
Убарҭқәа ртәы зҳәогьы џьара ицәыҵаҵәахны иҟамзар
залшом.
Мықәтәи ауахәама андыргылоз Аԥсуа ҳәынҭқарра
иагьасакьаҳәымҭан, аха уи аҩаӡара аҟынтәи хара иԥшуаз,
иҟәышыз ибартә иҟан аперспективахь анаҟә ықәчуа
ишалагахьаз. Аизҳареи, аҿиареи, асакьаҳәымҭеи уи
аиԥш адыргақәагьы рыцуп. Убас хара избоз, агәҩарақәа
зоухьаз ҳәынҭқарын
Леон III. Абри ауахәама уи ԥсра зқәымкәа ишьҭеиҵаз
ҳарҩан.
Ажәакала, Леон III Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьҭыҵра хыхь­
ӡа иҩанагаз, зышьҭахь аҳәынҭқаррагьы, адинастиагьы
каҳаз ҳәынҭқарын. Иара изқәаҭыԥ иԥсадгьылаҿ иргылаз ауахәамаҿ ианыҟаиҵа, Аԥсны ԥасатәи ақьырсианра
ацентрқәа, Пицунда, Лыхны, Ԥсырӡха, Дранда уҳәа зегьы рҟынтәи Мықәҟа ииасит. Аԥсны аҳцәа ҿыцқәагьы
рызқәаҭыԥ арахь ииаргеит.
Уи машәырны иҟаларымызт, аха ус ари зҵаарангьы
ҳара ҳҭоурыхҭҵаараҿы аӡәгьы иқәимыргылац. (Уи
еиӷьын, еицәан ҳәа акәым, ус изыхҟьаз.)
Иара убас, Аԥсны агәаҿы иалаго, амрагыларатәи
аҳәаа аҟынӡа ицо Аԥсуа баа-ҭӡамц ду ианыҟаҵази
иззыҟаҵази уҳәа, рхы иҭашәаны ирҳәо аамышьҭахь,
инагӡа-аагӡан иҭҵааны, алкаа иаша аӡәгьы иҟаимҵац.
Ари аҭагылазаашьа, ҳәарада, Аԥсны зегьы аҭоурых аҵара
бжанатәуеит, амҩақәа, ахырхарҭақәа еиланаԥсоит.
***
Асовет мчра алагамҭаз, аԥхьатәи ашықәсқәа рыла,
иахьӡартә иҟан, Аԥсны арегионқәа зегьы рҿы реко­
номика-нхамҩатә, рҵарадырратә, ркультуратә ус­қәа
рышьҭыхраз, еиҳа еигәныҩны, еицхырааны, аусура

ашьақәыргылара. Аха, ишыҟалазаалакгьы, абри арегион
ду, аханатә ашәшьыра иҵахан иҟан.
Аҭагылазаашьа еиҳа ианеицәазгьы, ԥсцарҭақәак аны­
ҟалагьы, иубартә ианеиӷьхагьы, шамахақәак ракәым­зар,
хыла иалкаан, иацхраан ҳәа иҟамлеит. Ҳәарада, дара
убра иахагылаз ирхаразгьы даара ирацәан.
Ашьҭахь, Гәымсҭеи Кәыдри рыбжьара иҟаз, еиҳа
аҿиара змаз аԥсуаа иреиуаз анықәырца, аӡәгьы даан­
мыжькәа, инықәрыӡәӡәаа, Кәыдры нырцә инхаз аԥсилааи
амраҭашәаратәи аԥсуа регионқәеи еицәы­харартәит. Уи,
ҳәарада, иӡбаны иҟаҵан. Ажәлар еихышша-еиҩышшан
ианыҟоу риааира, реиқәгәара, рхы изымҩахо рыҟаҵара
еиҳа имариахоит.
Аԥсны еиҳарак бзыԥааи (абазгааи) аԥсилааи зегь
реиҳа еиҿцаауаз, атәыла аԥеиԥшгьы еицызыӡбоз реги­
он­қәан аханатәгьы. Иҵегьы мраҭашәарахь иҟаз, Бзыԥ
инаркны Мзымҭанӡа, асаӡқәа зегьрыла еиҳа исубетносын. Асаӡқәа рдиалекти егьырҭ аԥсшәа адиалектқәеи
реиԥшымра еиҳазар, абазгаа-абзыԥқәеи аԥсилааабжьыуааи рҿы даара имаҷуп. Ҳлитературатә бызшәа,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аӡыжь - 11
  • Büleklär
  • Аӡыжь - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3482
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2151
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3383
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3460
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2210
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3431
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2098
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3450
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3453
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2115
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3406
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2164
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2052
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3413
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2123
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3424
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2046
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 2837
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1805
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.