Latin

Аӡыжь - 08

Süzlärneñ gomumi sanı 3406
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2164
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ҟаиҵан, еиҳа ацәажәара игәаԥхо дыҟан. Аха иҷкәыни
Мимозеи ахьеицәажәоз иҭахымкәа, уажәы-уажәы илаԥш
нархьиҳәон. Грышьа деилаҳан дахәаԥшуан Мимоза шаҟа
дақәшәан ашәишәи хәылылхыз, нас ақәҵа шылхәаз.
– Шьоукы рыхьӡқәагьы, гәашәцыԥхьаӡа иануп, –
иҳәеит уи лааигәара днатәан, акакан ԥшны илыҭо.
– Убри ауп ирылаӡо, агәашәқәеи аҵлақәеи рҿаҟәоит,
– лҳәеит уи давамлакәа.
– Ирыхьзеи, урҭ бжьысцәоуп егьиуп ҳәа рыӡбахә
рҳәоит, ҳара ҳҿы акәзар, уа абжьысра мариоуп, аха ара?
– Угәы изаанагозеи ара ауаҩы дыбжьысыр ҟалом
ҳәа? Ара еиҳагьы еиҳауп абжьысырҭа, аԥшаҳәа, аккара
– зегьы ҭыкка иҟоуп.
– Хьымца иоума уи аиԥш аҟазара злоу?
– Хьымца илоу ҳәа акрыҟоума. Ԥианца иоуп. Уи
деҭымуп. Ианду лыда аӡәгьы димаӡам… Саргьы аӡәы

итәы сҳәома. Сан дыҟам, саб санԥса дылтәуп… – лнапы аалҟьан, ирлас-ырласны аԥхныгала акаканцырақәа
аҳаҟьа иқәлырҟьыцуа далагеит.
Грышьа уи даарыцҳаишьеит. Аха ани Ԥианца
дааиҵашьыцит. Иара димоушь уи аиԥш изызҳауа аӡәы?
Иахьа абри аӡӷаб дибеижьҭеи, ихы иҭамкәа, игәы
иҭамкәа, дигәалашәо, иаԥхьа дгылоушәа ибо далагеит ашьҭахьӡатәи апартақәа руакаҿы итәоу, класск аҿы
ицтәоу ӡӷабк. Уи уаҩы дгәеиҭаӡомызт. Измааноу издырам – иаагылазар убас иҟан. Аҵыхәтәан дара рааигәара
аквартира ҿыц роун, еимҩалацәахо иалагеит. Цқьа
длыхәаԥшуа иҿааихазар – аартра ҟаиҵеит, уи даара
дгәыкын, дҟәышын, ахи аҵыхәеи, лхы ламхаԥагьамызт.
Иара икласс аҿы итәоу зегьы рхы рамхаԥагьоуп. Избанзар, урҭ рабацәа аҩн дуқәа рызгылоуп. Дара аҩнқәа­гьы
акәакәарқәа реиԥш ауп зегьы шеиԥшу. Иаб усҟакҵә­
ҟьа аҩн ду изгылам, аха зегьы рхы ахьрамхаԥагьоу,
иаргьы ихы иамхаԥагьоуп. Ари аԥҳәызба зынӡа
ахамхаԥагьара лылаӡам. Ахамхаԥагьара злоу зегьы
ирҳәогьы, рыччаԥшьгьы – егьаџьара иугаргьы – зегьы еиԥшуп. Ари, иџьоушьаша, иахьахәлаанӡа шәынтә
дԥышәырччаргьы, зегьы ҿыцуп, аки-аки еиԥшӡам. Аҵара
шылҵозгьы даазҿлымҳахан, ибзиан илҵоит. Иҟалап, зегьы иреиӷьны илҵозаргьы, аха ани иреиӷьуп ззырхәахьоу
мап рцәыркыр ҟалома. Уи аҵаҩцәа рхаҭақәагьы ируам,
рҭаацәагьы, дара арҵаҩцәагьы ирҭахым. Раԥхьа адәыӷба шеиқәдыршәаз еиԥш ицалароуп: актәи, аҩбатәи,
ахԥатәи... авагонқәа... Урҭ уажәшьҭа изыԥсахуада.
Адәыӷба – «Актәи – ажәабатәи», ус ицалароуп жәашықәса ахы ақәкны иахьынӡацо. Нас иара аԥсҭазаара
урҭ зегьы еиланарҩынтуазар акәхап, адәыӷба ҿыцқәагьы
рзеиқәнаршәозар акәхап.
Иҵегь иџьеишьаз, абрии иареи ашколахь еиццо
еицаауа ибеижьҭеи, иаб дԥаԥашькны дыҟоуп. Иара

иахьиаҳауа уи лани лаби рцәа рхихуеит. Ара анышә
ижуазҭгьы, аҩны ижлар, уа ахәаџаҿы, дқамсо арахь
дзаази иҳәалап. Лан лакәзар, аҽакы лзиҳәалап. Уи
медицинатә еиҳәшьоуп, араионтә хәышәтәырҭаҿы аусура мап ацәылкын, ақалақь аҩныҵҟа поликлиникак аҿы
аус луеит. Араионтә хәышәтәырҭаҿы аус зылзымуз атәы
лыԥҳа ианылҳәо, ашәытара лҿатәоит. Уи, ишылбоз иаахтны ачымазцәа аԥара рымызхуаз аҳақьымцәа анылба,
илымҳәар лгәы иамуит. Убри инаркны лара дыхҭаркзаап,
аус лзымуашәа, уимоу, чмазцәақәакгьы азыҟарҵазаап,
лыцәгьа рҳәартә. Нас лхала дцеит.
Араионтә хәышәтәырҭа аус бааԥсны ишауа ҳәа иаб
ихалагьы иҳәо иаҳахьан. Аха абни аӡӷаб дахьланыз
аҟнытә, уи лыӡбахә аниҳәоз зегьы иханаршҭуан.
Грышьа идыруан иаб ус зиҳәақәоз. Уи иҭахын абанҭ
аҩн дуқәа зызгылоу, ара зышьаҭа ӷәӷәаны изҳахьоу
ҳәа ииԥхьаӡоз ирыхшаз ҽыхьшьырҭас имазарц. Иаб
дышуаҩыцәгьам аҟарагьы идыруан, аха ишиҭахымыз­
гьы, гәаныла ишицәымӷызгьы, убарҭ амч змоу, абӷа змоу
рҿаԥхьа дыԥсыҽын.
Грышьа Мимоза лацәажәара иҭахын, избанзар уи
длацәажәацыԥхьаӡа, ани аӡӷаб еиҳа-еиҳа дигәалашәон.
– Капа... – Мимоза акы леиҳәарц ихы налықәикын,
аха ахьӡ ииҳәаз дааннакылт.
Лара ҿымҭ дихәаԥшын, дынцәыҵаччеит.
«Изакәызаалак акы лаҩшәом...» – ааигәахәт иара.
Уи лцәыҵаччашьа иабгьы иаҩымшәеит.
– Раԥхьа игәасҭаз еиҳа еиӷьуп, ари злацәоуп, – иҳәан,
иикыз аҵәца абжа аҩы шҭаз аҟыгәҳәа наҟ инықәир­
гылт, – абри аҷкәын ижәбо, – иаахьарҵәиӡан, ани Агатәи
ибжьыҟаҵагьы акәымкәа, анкьатәи, ара даныҟазтәигьы
акәымкәа, иара убриала даара зышьаҭа ҳаны, зыҩны
зегьы ирылыҳәҳәо, зыбӷақәа рӷәӷәаны иҟоу, аԥсшьарахь
ицахьоу, агәарабжьаратәи апенсиауаа еизганы иахьа

шар хәлаанӡа анард иасуа аӡәы иеиԥш, – абри ижәбо
аҷкәын, сара убзиаха ҳәа сишьҭоуп, иара аҳәынҵәахьы
деихоит, аҽада ақьар ианахадыргыла аԥахьы еихон
ҳәа... Ҳа-ҳа-ҳа...
Грышьа ашырҳәа дҩагылан, аҿаԥара ашьҭахьала
дындәылҵит. Адәныҟатәи аҳауа цқьа инеиҿасыз –
иԥсы ааивигеит. Игәы иалсны иҟаз иаб ицәажәашьагьы
усҟак ихьаамшәа ибеит. Ани аӡӷаб ҵәрышкәа ишлаҳауа
иакәымк иҿыбгар ҳәа дшәаны ауп еиҳарак ирласны дыздәылҟьаз. Егьырҭ рхала ракәызҭгьы, ас еиԥш
ихтыҵәҟьан аиакәым иҳәо даналагалак, аҭак иҳәон.
Иџьоушьашаз, аиашаҵәҟьа ааҭырҟьаны ианиеиҳәалак,
иаразнак деиқәнагәон.Акрыфара усҟакгьы иадымхалт, рацәакгьы абжьааԥ­
неиԥш рыбжьы дуумхеит. Избанзар, арахь иҳәомызт, аха
аҭаҳмада еиҳа-еиҳа деицәахон. Дара ахәыҷқәа, Грышьа дызлаҳәаз ала, хазы итәеит. Ҿымҭӡакәа акрырфеит.
Аӡӷаб уажәы-уажәы длыхәаԥшуан, уи уаарччартә ҳаҭыр
ақәҵацәан акрылфон. Ашәишәи амҵәыжәҩа заҵәык даацрыхон, акакан чаԥа лҿаҵа хәыҷқәа нӡааркәакәалан,
ашьшьыҳәа, лнапы хьанҭахазшәа акраамҭа лҿахьы иаалгон. Иара даара игәарԥханы ифеит ашәишәи ажьышәқәа,
иҟәымшәышәӡа иҿы иҭаӡыҭуа, апырпыл алҟьо. Нас
убри агьама акраамҭа игәы иқәҵӡомызт, ашкол буфет аҿы имажәамацараха иҟаз акатлет хьшәашәақәа
ԥсынкылагас ианифоз игәалашәон еснагь. Иара иангьы
афатә бзианы иҟалҵон, акәытқәа. ашәишәиқәа каканла
илчаԥон, «асацив» ҳәа дахамшәало ахьӡ лшьон, аха ари
аҩыза агьама ианакәзаалакгьы илзамҭеит.
Иара ирласны ианифа, Бзаза дицхраауа далагеит. Мимоза днарыбжьалан, убас игәарԥханы иҿалҵеит ахәыҷы,
ианынҵәагьы, иҿы ираҳаит.

Уи ԥҳәызба наӡак илдыруаз зегьы лдыруан. Ма дзакә
еиҿамсыз, иаахтны дцәажәон. Убри аҟнытә уахгьыҽынгьы еицушәа, иаразнак дааигәахеит. Аҽа ԥыҭрак цар,
имаӡақәагьы леиҳәар ҟаларын.
Акранырфа адәахьы идәылҵит. Ажәҩан шыҟац иҟан.
Уажәы-уажәы ақәа ҟәандаӡа инаҿыҵҟьап уҳәарын, аха
иаҿыҵҟьомызт. Аҳауа иааудырратә иԥхеит.
Ахәыҷқәа ирфаз рылырсуа ашҭа ишықәгылаз,
аишьцәагьы аадәылҵит. Ианкәа игәы алаҟамызт – уи
аратәи афатә анифалак, ҵәыцақәак аҩы анижәлак,
длахҿыххон, аха иахьа иалымҵит. Ладикәа аԥхьа днеиуан. Днеихьӡеит.
– Рацәак уҽынмырхакәа убри укамбашь унашьҭаԥ­
ши, – иҳәеит уи. – Уажәшьҭа ихашҭӡом, ихҭеикит.
Изуасҳәазаалак – уҽнумырхан.
Ладикәа абӷьааҳәа абарҵа дныҵалан, иеигәышә
аашьҭыхны ашҭа дҩыҭҟьеит.
Бзаза Грышьа инапы кны даахеит. Уи аӡытҟәахь дцар
иҭахын.
– Сара аҩнынӡа снеины сааиуеит, ара шәыҟами? –
дҵааит Мимоза.
– Ара ҳаҟоуп, Мимоза, – иҳәеит Бзаза.
– Ҳаҟоуп, Мариам, – иҳәеит Грышьа. Лара лгәы иа­
хәан дааччеит.
Дара аӡмах аҟны инеирц акы рыгымкәа, Грышьа
ихы анҩышьҭих, уи лыҵкы ҟаԥшьшьӡа, абираҟ аиԥш
иахадырсызшәа, ахәы иахьазеиҟараз дықәгылан.
– Данбагьыцеи! – иааџьеишьеит Грышьа.
– Уи алашьамхы лырҵысуеит, – иҳәеит Бзаза дуҵас. –
Ԥианцагьы Хьымцагьы драԥысуеит.Бзаза иӡытҟәа дзадҵуамызт. Маҷк днадҵыргьы, иаразнак дхынҳәуан. «Аԥсы анҭало ибаргьы ҟалоит...
Аџьашьатә. Бзаза, Бзаза, Бзаза...»

– Бзаза, уареи сареи ҳшеишьцәоу удыруоу? Ҳаишь­
цәоуп!
Бзаза ирҭрысны, даахьаҳәны днаихәаԥшит, нас
ақәҿымҭкәа, дақәшаҳаҭны ихы ааирҵысын, иҩнапык
рыла ишьапқәа ааигәыдиҳәҳәалт. Грышьа ихы анылаирҟә,
уи ишьапы ҵаркьакьан аҵәахаҵәахҳәа дааигәӡит.
Иқьышәқәа ԥхаӡа, итатаӡа, ибааӡаӡа иҟан.
– Сара снықәла-аақәлоит, уара ара уҟаз, аҽаџьара умцан.
– Уара иуҭахӡами... аԥсы шҭало убарц, аԥсы шааиуа,
ишныҟәо, насгьы иаԥшшәу?
– Уи аҟара ачҳара сымам.
– Ачҳара избан, уи уара еиҳа имаҷны изумоузеи?
Аныҟәгара уацәаашьома?
– Сыздырам, – иҳәеит дыччо Грышьа, – сыздырам...
– Бзиоуп, уца... – Бзазагьы дааччан, дхьаҳәны
дырҩегьых аӡытҟәа аӡааԥшылара дналагеит зегьы
ихашҭ­ны.
Грышьа быжьқәак иаҳан, уахь иҿынеихеит. Уи Ԥианцеи
Хьымцеи ракәын. Урҭ рзы убасҟак иаҳахьан, даара рбара
иҭахын.
Хьымца ус адәы дықәжьын. Ԥианца, зҿы ҭыфааӡа
иҟаз, амсахәы зхаз ҳәызбак инапы иқәҵан иршәуан,
жәабаҟа шьаҿа инахараны, згәаҩарақәа џьараҩыџьара аҭырас ҭиаан иҟаз абнахәырма наа ажәпара
иақәкны. Иара днеины ашыцламҭә зқәышьшьы иҟаз
ахаҳә днықәтәеит. Макьана дгәарҭаӡомызт. Уи аҳәызба
аниршә, иманшәалан иақәиршәан, иахьналакьакьаз
«жыв-вв» хәа абжьгьы ааргеит.
– Ианақәшәалак уара иааугоит, угыл! – иҳәеит
Ԥианца. Уи ибжьы хьырвырӡа, иҭахәаҽшәа, уаҩы игәы
иаагәамԥхартә игон.
– Аат, уара напыла иҟарҵаз, – иҳәеит егьи дахькажьыз.
– Убри иуҳәо уаҟәыҵ акәымзар, иузызуа удыруоу? Ублақәа аарҳәны ушьҭахь иасҭоит. Усҟан ухи иареи
еиԥшхоит, алақәа камкамуа иҟалоит.

Аҩыџьагьы рыбжьқәа аҵәы иахаҵаны иааҽхырччеит.
Хьымца, аҳәызба ахьалаз иалхны данаахьаҳә, Грышьа дибан, иаразнак даагылт. Илакҭа ырхәашьны ԥыҭрак
днаихәаԥшын, ихы Ԥианца инаиқәикит:
– Иахьа ԥхыӡ цәгьа умбаӡеи уара? – иҳәеит уи ибжьы
аҵәы иахаҵаны. – Ҩынтә амышьҭацәгьа дуԥылааит ҳәа.
– Схьаԥшра иаԥсоума?
– Мап, иаԥсам, аха ус аланарԥшыраз.
Ԥианца ихыиҿы хәыҷы ихылԥа абз ду иҵыҳәҳәо,
ахьажьршәагеиԥш арахь даахьаҳәит. Ҿымҭ иблақәа
еихмырсыӷьӡакәа днаихәаԥшит. Урҭ ирҭахын, дара ртәа­
ла даушла дахәыртәырц. Нас ргәы иҭаз издырамызт. Аха
ибон, зыршәара иашьцылахьоу дахьреиԥшымыз акыр
ишҿанаҳәаз. Грышьа дзакәыз, илшоз, гәыс имаз акгьы
ахьырзымдыруаз еиланархон. Иҵҟьан аҩра рықәшәозу,
ари иџьынсқәа (уи рылаԥш адхалон рҩыџьагьы) рыла
аҳәынҵәа дылшьны, ргәырԥса ҟарҵарызу рыздырамызт.
Иџьынсқәа аниҳәа, ашыцламҭә цәаакызаарын, илсны
дҩагылт. Ԥианцагьы Хьымцагьы ирҩны инеихәаԥшит.
– Иааги арахь, – иҳәеит Грышьа имырхьаакәа, –
аҳәызба.
Хьымца Ԥианцагьы днаихәаԥшит, аха ус иҭынчны,
инықәрыҩршәа иахьиҳәаз акәу акы дааилнаршшан, дышиашаз ахаҳә дахьықәгылаз днеины аҳәызба иара иахь
инаирххеит.
Аҳәызбаршәра иаргьы акыр иҽанишәахьан, уажәы­ҵә­
ҟьа даҿымызт, аха иҵегьы данмаҷыз, аҳәызбаршәрақәа
злаз киносахьак инахәаԥшыцыԥхьаӡа, рнаҩс игылаз еснагь иаркыз аҿхышә ду ашьҭахь еизибаган
аҳәызбақәа шагәыдырҵоз, ирыӷӷаны иқәырҵахьан. Убри
аниба иаб дипҟеит акраамҭа ихамышҭыртә. Аха иахьагьы
уи азы игәы изынхаӡом. Избанзар, убасҟак гәыкалаҵәҟьа
игәы еибакыҵәҟьан дипҟеит. Абжьааԥны иидыруа аҽы­
ҟаҵарақәа, аҽыргәаарақәа, адауш уҳәа рахьтә уи акы
аларшәымызт.

Аҳәызба ааникылан, ахәырма ашәпара иҩахыкны
аҿанынаирха, итартаруа иналашьшьит.
Ԥианцагьы Хьымцагьы неихәаԥшы-ааихәаԥшит.
Хьым­ца дыҩны дцан иааганы еиҭаииҭеит. Грышьа даанаԥшы-ааԥшит: убри ахәырма анаҩс игылаз
аҳаша, ацәқәахь агәыцә ахьытартаруазҵәҟьа иарба­
ны иандәықәиҵа, зынӡагьы дшақәымгәыӷӡоз иахьаир­
базҵәҟьа иналашьшьит.
Ԥианцеи Хьымцеи инеихәаԥшы-ааихәаԥшит. Ԥиан­
ца иԥшшәы ааихҟьан, иблақәа ҭаӡинӡааӡа иааҟалеит,
иқьышә зны азганк ахь ихалеит, аҽазных – егьи азганк
ахь.
– Абыржәыҵәҟьа уқәлан саҳәызба лбааугоит, – иҳәеит
уи дгәаан, аха рацәак игәы азҭамкәа. – Саҳәызба мышгагоуп ҳәа уаҳазма?!
– Иабауҭаху ани аҩыза аҳәызбажә, насгьы џьара
машәырк умпыҵҟьар аҵкыс, макьана уа иҟазааит. Иӡыр
ҳәа ушәауоу.
– Амашәыр ҟасҵар уи сара избап, уара уус алам, –
еиҳа иҽааирӷәӷәеит уи.
Грышьа дзықәгылаз ахаҳә даалбаан уахь днарыдгылт.
– Уааи, хаиқәԥап! – иҳәеит Ԥианца.
– Уааи! – иҳәеит Грышьа, бӷарҵахьы ақәԥара рацәак
дшаманшәаламызгьы.
– Сгәы ишԥалоу – рацәа иџьынсқәан, – игәаӷьуа
изымгәаӷьуа дынцәыҵаччеит Хьымца.
Ԥианца даалакҩакит.
– Уааи, уааи, – иҳәеит Грышьа имырхьааӡакәа.
– Шәара агауаа ақәԥашьа шәыздырӡом, – иҳәеит уи. –
Иудыруаз, аиқәакра алам, аблузкра алам...
– Бзиоуп.
Акраамҭа дихыкәшон Ԥианца, иҩнапыкгьы иаԥхьа
идәықәҵан, иаԥхьа егьи иманшәалан дикыр ҳәа дшәа­
ны. Уи еиҳа даун, дҵаӷан, џьара мчык илоуп уҳәартә
дыҟамызт. Иблақәа зынӡа ихәыҷхеит, иқьышә еицаԥеит.

«Ари згәыжәла цәгьоу аӡәы иакәзаап... Ианааидысла
ибеит: уи абни амаҵә еиԥш иҟаз инапқәа, ишьапқәа –
зегьы, аиашаз, абаҩҷыда шрылаз. Иаргьы дшәон, дыццакуан, иоуразоуроу игәиҽанын аҟнытә, дыкны маҷк
иааиқәкра ҟаломызт. Аха уи дхәыцны, дмыццакыкәа,
иидыруа амаана ихы изархәомызт. Дырҩегьых ианааидысла, егьи еиҳа даумзи, иӡара нҭарсны икит.
Насгьы даухьанҭаз, данаашьҭиԥаа, шаҟа игәаҟуаз,
аҽарххоз ицәеижьы зегьы, иоуразоуроу, дшеибакәу.
Даарыцҳаишьеит. Ҵаҟа днаиргылт. Уи инапқәа аумзи,
ибӷаӡара иакәыршан, бӷаҭаԥҵәа ҟаиҵарц далагеит, аха
имаҟҿаҳәара иақәшәомызт.
«Ҳаиқәԥозар, ҳаиқәԥоит, иабатәи рыцҳашьароу...».
Иарма гәчама дықәҵан иҿанылаирха, егьи ииулак
иӡыцәа шьапы шьҭарсны иҽааникылеит зныказ. Аха Грышьагьы идыруан, абыржәы аҽа аԥсык иҽааизырӷәӷәар,
дшылаишьҭуаз. Ус егьыҟаиҵеит, ишьапы дықәиҟьеит. Аха
уаҳа ақәԥара даламгеит.
– Шәара агауаа аҳәажьы шәаршхьеит, уиазоуп
шәзыӷәӷәоу, аха уи зныказ ауп, – иҳәеит иара дҳақь­
ԥсықьуа, – акраамҭа ишәызгаӡом, шәеихәлачны аԥсра
шәалагоит.
Уи ақәԥарагьы иҭахымызт, аха уаҩ иимбац мчык
дазыԥ­шызу, рацәакгьы дазеиқәымкит дказыжьыз имч.
– Уара уӷәӷәоуп, – иҳәеит Грышьа, – уццакуеит
акәымзар.
– Уаргьы уӷәӷәоуп... – ибжьы аҵәы иахаҵаны дааччеит уи, аха зынӡакгьы игәы азҭамкәа. – Уабаӷәӷәам,
аҳәаҵыхәа уфоитеи...
Хьымцагьы дынцәыҵаччеит.
– Уажәшьҭа ҳаибаргәаарым, ус еиӷьхап, – иҳәеит Грышьа дааилашәан. – Иуҿашәалак умҳәалан.
– Саҳәызба сыҭ... – ирблаҟьеит уи. – Ус иахумгаӡан,
исыҭ саҳәызба!

– Уара макьана угәра ганы аҳәызба уаҩы иуиркыртә
уҟам, ухы аҭыԥ ианықәлалак, нас иныҟәгала, –
дааҽхырччеит Грышьа.
– Хьымца ари ииҳәаз уаҳаит, улымҳа бзиахә аҳааит…
– иҳәеит Ԥианца, – уажәшьҭа иҟало аказыҳәа сара аҭак
ҟасҵом.
– Акыргьы ҳачҳахьеит, – иҳәеит Хьымца, аха уаҩы
ибон уи иахьакәым ахы архар даарак ишиҭахым.
– Иазхоуп, иазхоуп... – иҳәеит Грышьа. – Иазхоуп!
– Акәымзар, сыцәқәа ҭоукып... – Уи дхьаҵуамызт, аха
ԥхьаҟа ашьаҿаҟаҵарагьы иҭахымызт.
– Иазхоуп... – ашәа ахкы цәыригошәа ибжьы хыриаалан инаиргахт Грышьа. Уажәраанӡеиԥш акәымкәа,
ихи имчи еиқәымхо. Ага агәарабжьарақәа рҟны знызынла иҟало аидысларақәа раан еиԥш аисра игәы аҳәо
дааҟалеит. Уи идыруеит, ара ақыҭаҿтәи ахәыҷқәа, ахаангьы ус даушла аибаршәарақәа ирхыҳәҳәан, иахьынӡауа
напышьашәала аҟынӡа инаргом. Уанӡа ианнеи, ара еиҳа
ишәарҭоуп. Ара аисра закәан амаӡам, алаба зыдхалазгьы
дыԥсаанӡа дуаӷоуп.
Грышьа шьаҿак иаԥхьаҟа днаскьеит. Ибон – егьи
дымшәеит, ихы-иҿы аԥхныгеиԥш ихаҳәхеит, аха уанӡа
анагара иҭахымызт.
– Грышьа! Грышьа!!! – ишилшоз ибжьы иргеит усҟан
Бзаза. – Грышьаа! Грышьаа!
Грышьа акы дакӡамшәа дҩаҵҟьан, али-ԥси рыбжьара
хыхь дыҩхашлеит.
– Грышьа! Аԥсы ҭалт, аԥсы ҭалт!
Грышьа деиҭаҩны аӡытҟәа дынхықәыххит. Днаԥшы­
зар, аиашаз, алахы аагәылшәан, аҵыхәа хәыҷы ҟьо,
аӡытҟәа ихын. Аԥсы ҭалт.
– Уажәшьҭа издырт, издырт! – Бзаза иблақәа ҭыҵны
ицон, иӡыӷқәа кылҵәраа, митәын ихҭысуаз.
– Уҽырҭынч, уҽырҭынч! – ахәыҷы дааигәыдикылт
Грышьа. Уи ицәеижь хәыҷы акәараҳәа еисуан.

– Издырт, издырт...
«Дџьашьатәуп ари ахәыҷы, издыруада мца дук акәиц
иӷраршәзар... Уи акәзар абас ицәеижь хәыҷы зеисуа?»
– Аԥсы аҽаџьарантә иааӡом. Иара иаӷратәазаап, –
иԥси-иԥси еихьымӡо даҿын Бзаза. – Абни еиқәаҵәаӡа
егьырҭ ирыӷроугьы аԥсы ауп. Иандухалак ашьапы
иқәгылоит, нас арахь иҭыҵуеит.
– Зынӡа уиашоуп, – иҳәеит дмыччакәа Грышьа. – Уи
сазымхәыццызт сара. Ишубоҵәҟьаз аԥсы ҭалама?
– Ишызбоз. Аҽаарҵысит – ҩынтә. Нас аҵыхәа аҟьеит...
Грышьа Бзаза дааигәӡын, инапы аанкылан даалеиҩеит.
– Уи ҳаршәарым, иӡсалааит, – иҳәеит ахәыҷы
дирҭынчырц.
Ус даныԥшы, Ԥианцеи Хьымцеи еишьҭагыла иаахеи­
баҳәалт, Аџыни Кәаџыни реиԥш.
– Арҭ уажәы ани аԥсы ршьуеит! – дааӷьаҵәыӷьаҵәит
Бзаза, Грышьа инапгьы ааирӷәӷәеит.
– Умшәан, урҭ ус иҟаӡам, ибжьысқәоуп ҳәа аӡәы
ирыхьӡиҵан, ирыхьӡхалт акәымзар, иаабац шьоукы
ирҩызцәоуп.
Ахәыҷы диман уахь иҿынеихан, ианааиԥыла иаагылт.
Убри аамҭаз нахьхьи раԥхьатәи агәашә дыҭҟьаны дыццакы-ццакуа арахь лҿаалхеит Мимоза – Мариам.
– Иахьа акамбашь дзашәыршьуаз закәызеи, уара, ари
аӡӷаб? – имырхьааӡакәа дҵааит Грышьа Ԥианцеи Хьымцеи ихы нарықәкны.
– Уи хаҵа данцо, аҽы дшақәтәоз ҳлырбон, надаада
дзақәтәоз џьылшьон... – Џьара жәахьанҭак ациҵарц
шиҭахыз ҩашьомызт, аха Ԥианца дихәаԥшны иҽаани­
кылт Хьымца.
– Аҽы ҽы ццышәын, – ччараха исит Грышьа. Хьымцагьы иҽизнымкылакәа аччара дналагеит. Ԥианца ԥыҭрак
иҽникылон, аха нас убрыгь изымычҳакәа «ԥыф» иҳәан,
икьатеиах ԥҵәо аччара дналагеит. Грышьа иблақәа

ҭыблаауа ицаҳәцаҳәуа алаӷырӡ ҩырхашылт, убасҟак
иҽеиҵыжьны дыччеит.
– Шәзырччозеи шәыҿқәа раҳан, – днарыдыххылт,
лара, – Ладикәа акамбашь дашьҭалан дахьцаз дмааит,
дыԥшаатәуп. Уаала, уаала, – Грышьа инапы даахан, лара
лҿыналхеит дыҭҟьа.
– Бзаза, уара аҩныҟа уца, бзиоума?
– Бзиоуп.
– Шәаала аха шәымазар, – аҷкәынцәа днарыхәаԥшит
уи.
– Ҳусқәа рхы еилахоит... – иҳәеит Хьымца ибжьы
аҵәы иахаҵаны.
– Уара уами уаала ҳәа зарҳәаз, умцои... – Ԥианца
иџьыбақәа инапқәа рҭарӷәӷәа даагьежьы-гьежьит.
– Сара ара издыруаз зегьы схашҭхьеит, схы ахьсырхо
сыздырӡом, – иҳәеит Грышьа.
– Лара илдыруеит зегьы... – иҳәеит Ԥианца, иблақәа­
гьы зынӡа гәырҭыԥк иааҟарахеит.
– Лара улгоит унапқәа аанкылан... – ибжьы аҵәы
иахеиҵон Хьымца.
– Бзаза, уара уца ушиашоу, – уаҳа егьырҭ
дрызхьамԥшӡакәа, наҟ алаӷьа иҭалахьаз Мимоза
длышьҭалан, иаарӷәӷәаны иҿынеихеит Грышьа.
Акыр дцахьан лара уи данлыхьӡа.
– Уажәы анҭ ааиуеит ара. Гызмал Икәара дҭалан
дцеит, Абгатәара ала ахаииаҭрахь лхы лырхеит ҳәа
раҳәа. Уажәшьҭа уҽаанкыл. Дшәон, дышӡыӡоз дцеит ҳәа
раҳәа. Сара слышьҭалар лымуит, дгәаауа далагеит, нас
акы лгәы иаанагар ҳәа сшәан, саагылт ҳәа.
Аиашаз, ԥыҭрак ашьҭахь еишьҭагыла иаакылст
рҩыџьагьы.
– Ари ҳҽыбӷаҟаза дабаҟоу? – дҵааит Хьымца.
Грышьа иҟаз реиҳәеит.
Ишибоз Ԥианца иԥштәы ааиԥсахт.

– Ушәеит, уи азоуп лхала дыздәықәуҵаз.
– Умшәозар уара уца, сара дсызнымкылт.
– Сара иахьала акгьы сшәыхәом, – иҳәеит Хьымца
дыхсаҟәӡа.
– Ушәаны уԥсуеит аҽнышьыбжьон! – иҳәеит иԥсахы
еиҟәыҷҷо Ԥианца. – Амгәацәаҭабаа!
– Убз ааҭакы, џьым, хәыҷык, убз! – Хьымца даах­
шәааит. – Афида аӡы ақәҭәатәуп, иумдыруеи?!
– Уажәы уаха сымам, уԥынҵа аӡы кылҵәраауа уҟас­
ҵап, уаагылала! – дыҭҟьаны Гызмал Икәара шыҟаз
иҿынеихеит.
– Ушәоит ҳәа сара исеиҳәахуеит, иара Абгатәара аӡ­
бахә иаҳар, длеиқәшәаҟьа дцоит.
– Ас ишаацәгьахалак дкаужьуазар, шәызлеиҩыз­цәа­
хазеи нас?
– Аӡәгьы дкасыжьӡом сара, аха Ԥианца ианду дзыҩ­
ӡом, сара саб уҩны узицәцаӡом, ашәиҭышәи унеиаанӡа
улышьҭагәа уникылоит. Иахьа афида аӡы ақәысҭәахьоу
џьыршьоит…
Уи уаҳа диламцәажәакәа, иаргьы Гызмал Икәара
шыҟаз иҿынеихеит.
Аӡыжь еиқәаҵәақәа, ацәыҵлашьцарақәа, атыша
цәгьа­­қәа, – зегьы хар имамкәа дырхыст. Иаԥхьа ицаз
рышьҭа ибон, уимоу, зны-зынла акамбашьшьҭагьы ибон.
Аха дзыршәоз аӡәгьы димбакәа абнаҿы иқәхәлар хәа
акәын. Зегьы ихашҭит Абгатәара ҳәа иахьашьҭаз даннеи.
Уи данхәыҷыз аахыс игәалашәон. Ладикәа дицны аҽҵыс
зҵаз аҽан ԥшаара ицеит. Такәы иааимдахьан, Абгатәара
инавакны, аҽан аԥагьы иаргьы рыбаҩқәа инархагылт.
Ауха алашәага ирфазаап. Аҩбагьы рҵыхәақәа хаҳаҳан
ишьқьыры-шьқьырӡа ишьҭан.
Нас Ладикәа диман дцан, ажа дуқәа рыҵаҟа тышак
аҿы, ацаҟьақәа анышә иахьыҵыҳәҳәоз иҭиқәаҵәааӡа
иааԥшуаз аҳаԥы инахагылт. Аҳаԥы алафҩы еиԥшны,

аха аҵкыс акыр иааӷәӷәаны, абгафҩы ҭҟьон, ацаҟьагьы
абгахәы ахатата иҟан.
– Абра аҳаԥы ҵаула амоуп, абгақәагьы пуеит,
рласбақәа абра ирааӡоит.
Ашьҭахь, уи ашықәсан иара Ладикәа уахынла дахаҩо
иҿааихан, абгақәа ҩба лаишьҭит.
Убасҟан Ладикәа иаԥхьаҟа џьара дшыҟаз ааигәа­
лашәан, игәы ааӷәӷәахеит.
Аха димбар, дҟьалар?
Макьана ииашан даауеит, игәалашәоит. Ахаииаҭрагьы
ааигәоуп.
Аха уи усҟакгьы иааигәамԥхеит, даара игәы цаны,
игәы ҭҟьаны дшыҟаз абжьқәа иаҳаит. Дааҭгылан
дӡырҩит: Ладикәа ибжьы ккаӡа иааҩт. Дгәырӷьан,
дҩаҵ­ҟьан дыҩит. Аккара дахьааҵшәаз адәҳәыԥш аҿы
игылан урҭ зегьы – Ладикәа, Мимоза, Ԥианца. Ахаҳә ду
иавагылан акамбашь еишьклашьшьы, абат ахы ҟәазӡа
аԥхьа итәан.
Грышьа игәы ааҭгәырӷьааит.
– Ари умбои, аҽнышьыбжьон игәаӷьны иақәлеит. –
Ладикәа инапы нақәикит ахаҳә анаҩс аҳәынҵәа ҭҟьаны,
ишьаҟьаны иахьыҟаз.
Грышьа акамбашь хаҭыр ақәҵан илаԥш нахигеит.
– Ахаҳәқәа зегьы абга рхәыжә рхатата иҟоуп, даарагьы икыднамҟьакәа иҟам, – Ладикәа ашьшьыҳәа
днеины абат аашьҭихит. Уи зныказ иааԥаҭхалеит, аха
нас аҽеиқәнакит. – Урҭ ус иацрыҵуамызт, аха ма акы
иаршәеит, ма, аиашаз, рыԥсгатәы рзымго иҟанаҵеит.
Акамбашь азныказ иааҭрысын, аха нас аҽырҭынчны
Ладикәа инаишьҭалт. Зегьы рҿынархеит.
– Дымшәаӡакәа дааит ихала! – лҳәеит даахәыҭхәыҭын
Мимоза, Ԥианца иахь лхы налырхан. Иара ихы
нхьаирҳәит, аха дышԥышәарччоз изымҵәахит.
– Иаргьы деиҭымуп, саргьы – еиҭымк сиҩызоуп. Зегьы рзы дшәаԥырҳаԥуа, ихатәы иара изымдыруа дҟалар,

ибла шааԥшуа саргьы сицәыргоит. Ииура изымдыруа,
иара ихатәы изымыӡбо дызбар, уахыкгьы сизыԥш­уам...
– дынцәыҵаччеит уи.
Грышьа иааџьеишьеит, иагьигәаԥхеит уи акы мӡаӡа­
кәа иахьылҳәоз.
Убысҟан, иҟәышӡа, иԥшӡаӡа иаԥхьа иааит уи лсахьа...
Капа лсахьа.
Акраамҭа абат нартәаны аԥсы аарго дцон Ладикәа. Уи
уажәы-уажәы илымҳа кыдҵан дааӡырҩуан. Имыхәлацкәа
архахь, ахтырахь икылсит.
Грышьа иныбжьырҟьашәа Ԥианца днаидгылан, ичақы
ԥшӡа иџьыба иааҭыхын инаимҵеикит.
– Ига, сара аҩызагьы сымоуп, – иҳәеит уи.
– Ҭабуп, – ихыиҿы ааихалашан, ибла хәыҷқәагьы
ааҭбаахеит Ԥианца. – Ахаан аӡәы ҳамҭа симҭац.
– Амц умҳәан! – лҳәеит Мимоза, – сара иусҭаз ачабра
алаӡами?
– Уи мҵарсны изгеит, – аԥыш-ԥыш дааччеит Ԥианца.
– Имҵаумырскәа, исҭаххар исызумхрымызт.
– Уажәшьҭа, Ԥианцеи Грышьеи иааимдо, шәмыцца­
кыкәа шәнеила. Аҷкәынцәа шәыԥсыжьлоит, – иҳәеит
Ладикәа.
Абат наиртәан, дыҿҟьа-ҿҟьо иҿынеихеит. Ажәҩангьы
ақәа аҿыҵышәшәо мацара, ақәшырпҟҟара иналагеит.
Абат хәыҷы ақьышә хьышьашӡа, ахы ҟәазӡа иҟан,
ицәын. Аингьы надгылан, абз ала ашырқьшырқьҳәа иарбзон. Ақәагьы еиҳа ирлас-ырласны иаҿыҵышәшәон...Аҭаҳмада акраамҭа ихы изымдыруа дыҟан. Нас,
аҵыхәтәан агәылацәа иааизыҩҩыз рыбжьқәа, быжьрабыжьҵәантә иҵыҩуашәа илымҳа аҟынӡа инаҩуа иалагеит.
Ладикәа дааҩналан, ибжьы шааиргаз аиԥш, иаразнак
еилиргеит, мчыла иаашьҭихыз инапгьы аиарҭа илаҳаан­
ӡа днамҵасны иааникылт уи.

– Сы-қәыр-тәа... – иҳәеит аиргьҳәа иаб. Инапқәа ашь­
шьыҳәа иҩаиҵаҵан даниҩаха, днықәтәеит. Акраамҭа
иқәлашьцан иҟан, макьана аиргьҳәа ихәакәоз игәы
алымшара атсарҭәеиԥш идақәа зегьы ирҭашәуан.
Ишԥахьааз, ишԥацәгьаз уи.
«Ԥсра бзиа ыҟаӡам, ҳәарада... ԥсра бзиа...»
– Сыԥхьарца сышәҭ!..
Аԥхьарца анизаарга, Ладикәа инапы ӷәӷәақәа
дрыниалашәа, аиргьҳәа, иара иитәӡамыз имахәҿақәа
ҩышьҭихит. Имҩашьахуа иккаӡа илымҳаҟынӡа инаӡеит
«Ахәрашәа» ашьҭыбжь. Иааџьеишьеит «Ахаҵарашәа»
аирҳәарц акәын ииҭахыз.
«Уи анааиҵәҟьа уаҩы ихы изымжьозаап...»
Нас, ани атсарҭәа, идақәа ирҭаҳаз еиҳа-еиҳа ихьан­
ҭахо, ицәа-ижьы ӡаанарҟәрыло иалагеит, иԥсыԥгьы имнахуа мацара, ихәламшәа ааилыршьызшәа, иныҿнар­
ҳәыцааит... Арҵәааҳәа Кама лыҳәҳәабжь илымҳа
ин­ҭа­сын, нас иааимаҷыҩт.
Кама аҳәҳәарагьы дналагеит, лымгәарҭа иҭаз, ани
аӡаагамҩан ишылзиуз аиԥш, атыгәтыгәҳәа ишьапқәа иҟьо
далагеит. Иԥсы шҭоу, дшыҟоу, аԥсҭазаара дшаҵанакуа
ала адырра ҟаиҵон.– Дыԥсит... – Игәи илаӷырӡи еилаҵәо абарҵа ашә дадгылан Бзаза. Уи атәы иҳәон, аха егьа иундазгьы хырхарҭа
изаҭомызт. «Иԥсы ҭалт... аԥсы ҭалт...» – Уи идыруан, иахьа
иблала ибахьан. «Дыԥсит...» – уи издырамызт. «Иаагылар
ҟалоит, аха аԥсы ԥсӡом...» – ус игәы иаанагон иара. «Бабаду иԥсы аҭра ажәызар акәхап, бабаду рыцҳа, аха иԥсы
абацои шьҭа ... аҽа ҭыԥк аиур ҟамлаӡои?..»
Дышнеи-шнеиуаз изҵаарақәа дрылаԥаҭан, абасҟак
иидыруаз, бзиа иибоз, дзышьцылахьаз бабаду иԥсы аҭ­ра
игәы иҵалан, еиужьны аҵәыуара дналагеит.
Абриаҟара иԥшыз аԥсабарагьы, раԥхьа ишаҿышә­
шәоз, нас аҽааиужьны ахаҽаҳәа аҿынанахеит ааԥынқәа.

АПУБЛИЦИСТИКА

АҲАРҨА – АМҨА УЗЫРБО, АХРА УАҾЫЗГО АХАҲӘ
1. Ҳазхысхьоу аиҭаԥхьара
Ашьха, ишдыру аиԥш, дгьыл мчуп: зыҵа умбаӡо
аиҩыцәқәа, ахра гагачқәа, ҵаҟантәи уанрыҵаԥшлак ухла­
хаҵ зыргьежьуа акаҵәарақәа, анаҟәоуқәа зқәу аҩаӡа­
ра дуқәа, асыԥсацарҭақәа… Ас иахьыҟоу зегьынџьара
ишәар­ҭоуп. Маҷк иадамзаргьы уақәымшәакәа иҟоуҵаз
ашьаҿа хнырҳәышьа змаӡам акәхар ҟалоит…
Аха дацәымшәартә ишьапы ахьакуаз аҳәырҭақәа,
аԥсшьарҭақәа рҿы мацара даагыломызт ауаҩы. Еиҳа
иахьыцәгьоу, иахьшәарҭаӡоу, ус аламала зыҽизымҭоз,
дназмышьҭуаз дахыкәшан, даҵысны, ус баша давсны дцомызт. Ашьха зегьынџьара инапаҿы иааигарц дашьҭалон,
анцәахша леиԥш иԥсы алахон, дагьеисон.
Ицаз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы, ԥхынрак,
Аӡӷара сцеит. Избарц. Уи Ерцахә-хаҭа аҵаҟаӡа, Чҳалҭа
аԥшаҳәаҿы иҟоуп. Аӡӷара Кавказ зда ыҟам анарзан-ӡы
ыҵыҵуеит. Арыжәтәгьы аҽыкәабагагьы. Уахь есԥхынра
ауаа ԥсшьара инеиуан. Аԥсабара, ашьхақәа убас иҟоуп,
ҿык-бзык иузарҳәом. Ус иубароуп.
Убра зыԥсы зшьоз, зҽызхәышәтәуаз аԥсуа уаҩ
бырг бзиак дсықәшәеит. Уи арҭ ашьхақәа бзиан идыруан, еиҳарак Ерцахә. Убри азы иџьашьахәу ажәабжьк
сеиҳәеит: «Хара узланаԥшуа ауаҩы иоуижьҭеи (абинокль,

ашьха ицоз имазар енагь ишьҭихуан), Ерцахә ихаларц
абасынтәи жәааҩык дәықәлахьеит, ҳара ҳазхаану, –
иҳәеит уи. – Хыхьӡа, анаҟәоу ахьықәжьу ахь инаӡаанӡа,
уантәи адыргақәа ҟарҵон. Асынтәи абинокль ӷәӷәақәа
змаз ирбон. Аҵыхәтәан, 1941–1945 шықәсқәа рызтәи
аибашьра иалҵны иааз аԥсуа хаҵак дхалт, уантәи
адимаҟаԥшь дҩахан, арахь идирбеит. Убарҭ рахьтә
аӡәызаҵәыкгьы дзыхнымҳәӡеит».
Иахьа уажәраанӡагьы убри сазхәыцуеит, аха аҭак
сзымԥшааит. Ҭакс исҳәартә исымоу акоуп, абрыгь аԥсуа
иҟазшьа иацуп, иара ацәгьареи абзиареи ртәы сҳәоит
ҳәа салагом.
Абас, ауаҩы инапаҟны, игәаҟны, ихаҟны раагара
иҽазишәоижьҭеи иҟалеит ашьха атәы иагымкәа издыруа,
иазҟазоу, наџьнатәтәи урҭ рԥышәа. Иахӡыӡаауа, даара
амаршәа куа, еихаҳауа, абиԥарак аҟынтәи аҽа абиԥа­рак
ахь иааргоит уи аԥышәа иахьа уажәраанӡа.
Аԥсуа изы акәзар, ашьха хазын. Анаԥшцәа, еиҳарак
акаршәрақәа, ашәадәқәа ирааӡаз, аԥсуа ашьхауаҩ ҳәа
ишьҭоуп. Аха уи ишьхауаҩра аҽакын. Ашьха цқьаҭыԥын
иара изы. Иаргьы, еснагь уахь изихоз, ирахә ирҳәырц,
дшәарыцарц, иԥсы ишьарц мацараз акәмызт, ныхак
изаҩызан, ихы-иԥсы зрыцқьоз, игәнаҳақәа ихызхуаз.
Иазгәаҭатәуп, аԥсуаа, дара иахьынӡарыҵанакуазгьы,
уинахыс, рыкәша-мыкәша иҟаз ашьхақәагьы (иаҳҳәап,
Аршәаҳәымҩа (Ельбрус) ахьӡ ссирқәа рырҭеит. Дара
иахьрыҵанакуа, ашәҭқәа реиԥш ижәпаны, нацәаҭыԥнацәаҭыԥ ирықәԥсоуп ахьӡқәа. Ма изакәы ашәақәоузеи
ашьхақәа ирызку: аԥсуа жәлар ажәытәӡатәи рашәатә шедевр «Ахрашәа», ахра иагаз ашәарыцаҩ, ашьхауаҩ иԥсы
ахра аҿгара иазкыз, убас «Аиргьашәа», «Ажәеиԥшьаа
рашәа», «Аԥылагашәа» уҳәа. (Урҭ рахьтә ирхашҭуа иалагахьоу, ирхашҭхьоу, иӡхьоу, аха зышьҭақәа макьана инхаз ыҟоуп. Рыцҳарас иҟалаз, егьа иагхан акәзаргьы, ажәа

иаҵанакуа афольклор еизыргоит, ашәеи акәашарақәеи
шамахамзар аӡәгьы дрышьҭам. Уи ианакәызаалакгьы
иармарион аӡәы иааиԥыҳәҳәаз амҵарсра иашьцылахьоу рус. Уара утәы ишахәҭоу уанзахамҵгыла усоуп.)
Ажәакала, аԥсуа изы ашьхақәа ишьҭыху аԥсҭазаара,
ахрақәа рҳауеиԥш ицқьоу, иԥшьоу ирсимволуп.
Аиашаз, наџьнатә ус ишьақәгылахьан, уахь ихалоз
зегьы – зыԥсы зшьарц, зырахә зырҳәырц, ишәарыцарц,
ус аказказра инықәԥшырц, – иаԥсахуан, уатәи
рыхныҟәгашьа, реизыҟазаашьақәа, реихаҵгылашьа,
ргәеизыблшьа уҳәа хазхон. Уа, ауаа рҿы даныҟазгьы,
ихала данынхозгьы, ауаҩԥсы иаҭәам, иакәыму, игәнаҳау
акы иламсырц, ихы мыцхәы дацклаԥшуан. Дҳаракны
дызкыз ашьха ажәҩан дазааигәанатәуан, Анцәа еиҳа
дибарҭахо. Уаҩытәыҩсак иаҳасабала, Анцәа иҿаԥхьа,
ауаҩы иҿаԥхьа, абри аԥсабара ду аҿаԥхьа иуалызгьы
еиҳа ибарҭахон, иккаӡа изаатуан.
Ахра цыӷь-цыӷьқәа еиҳа иахьшәарҭаз, уақәымшәакәа
еихугаз ашьаҿа уахьҭанархоз, уаҩы ишьапы акыртә
иахьыҟаз ԥшааны ахаҳә шьҭаҵо дцон урҭ раԥхьаӡа
ирҿысуаз. Ишьҭахь абрахь иаҿанагало изы, уи ахра
дамгарц. Аҳарҩа – абас ахьӡуп уи, амҩа урбаны ахра
уаҿызго ахаҳә ҷыда. Ҷыдарас иамоугьы, иаразнак излардыруагьы хаҳәк иара еиҵоу аҽа хаҳәк хыхь иақәырҵоит.
Уи дыр­гоуп, ахра иаҿоу ауаҩы игәы иҽаннаҵоит, амҩа
инарбоит.
Уи хымԥада рхы иахьадырхәо, наџьнатә издыруа
еснагь ашьха ицо, ашьха иеисо, еиҳарак ашьха дуқәа
рҿы ишәарыцо роуп. Аҳарҩа апринцип наџьнатә
аԥсҭазаараҿгьы уаҩы ихы иаирхәон. Ауаҩи ауаҩи,
ажәлари ажәлари реихаҵгылара, аԥсҭазаара, ауаҩреи
аламыси хыԥара зқәымыз рнормақәа ртәы зҳәо,
иагьныҟәызго дырган.
Убас акакала еицыло ишьақәгылт ажәлар рҷыдара­
қәа, рзеиԥш ҟазшьа ду – рыԥсҭазаара ашьхацамҩа.

Аԥсҭазаара ахра дуқәа ирыҿго иахьа уажәраанӡа иаазго, егьырҭ ажәларқәа зегьы излареиԥшымгьы изла­
реиԥшугьы ныҟәызго, мчысгьы, нҵырасгьы измоу.
Аҳарҩаҵәҟьа ахьаҭахымыз, уааи рахәи ашьха излацоз ашьхацамҩақәагьы аԥсуаа рҿы мыцхәы ирыцк­
лаԥшуан. Уи ахра дуқәа рҿы ишәарыцоз, ус иреисоз
ракәымкәа, ашьхаҟа зхы зырхоз зегьы ирусын. Шьхацан, зырахә-зышәахә зманы, ма аидара зқәыз зыҽқәа,
зҽадақәа, згәыжьқәа рҿы кны раԥхьа ишьхыло, дахьцо зегьы амҩа рыцқьан, ишьҭахь иааиуа уаҳа ҟаҵатәы
имамкәа ианнимыжь, даара ихьмыӡӷын, ианарыжьуамызт. Ус ҟазҵоз, зышьҭахь иааиуаз атәазымбоз, ҳаҭыр
рықәзымҵоз ҳәа, акраамҭа рыла ихырбалон.
Амҩа ишақәнагоз арыцқьарагьы ус имариамызт.
Алӡынрак асымҟәыл зықәнауа ашә ҟьантазқәа ыҵҩрны
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аӡыжь - 09
  • Büleklär
  • Аӡыжь - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3482
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2151
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3383
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3460
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2210
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3431
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2098
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3450
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3453
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2115
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3406
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2164
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2052
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3413
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2123
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3424
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2046
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аӡыжь - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 2837
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1805
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.