LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аӡыжь - 07
Süzlärneñ gomumi sanı 3453
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2115
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
гьы иахьаҭыԥугьы зыӡбахә рҳәо – а б з и а б а р а. Аха
издыруада убри акәзар зегьреиҳа иӷәӷәоу. Абзиабара
ҳәа анахьӡхалак – нас ахаҵара-ԥҳәысра, аҭаацәара, уи
иаҵанакуа зегьы амҽханакуеит – иуҭахы-иуҭахым.
Иара, еиҭаџьоушьаша, уаннықәслак, аԥсҭазаара
цқьа уанықәнакшалак, иугәалашәан џьара улахь еиқә
намҵозар, егьырҭ, иахьеиуахеитәи инымҵәаӡо, хы змам,
ҵыхәа змам аусқәа ирылаӡуа абри ацәанырра ҵаӷа мчыс
ҳәа иамоузеи. Ҳара ианакәзаалак уи хаҳҵар ҳҭахым, аха
усоуп.
Ианкәа ашыцра дҩалсын, ацҳаҵәры дҩықәгылан,
аҩада аԥшаҳәахьы дыԥшит: ԥасеиԥш нырцә-аарцә
ашәаԥыџьаԥ ахашьшьы иҟамызт, ихырҿахьан, аӡиас
гьы ажәҩан алакҭа иҭацалан иахьакыз, ахаҳәқәа
аҽрыланарӡырц аҭахушәа, инарывс-аарывсуа илеиуан.
Игәалашәоит усҟан цҳаҵәры хӡамызт арахь џьаргьы.
Ишхымыз ауп, еиҳа еиӷьуп ишхымыз. Уи инхаз, иахьа
абас еимгеимцарак акәзаргьы, аӡырҩаш еиԥш илсны
ицаз акы иаԥсоуп. Иҟалап, уи иацызго акгьы ыҟамзаргьы.
Ацҳаҵәры дықәлан агәҭаныҵәҟьа днеиуан, хәыцрак
иқәнакын, деиҭаангылт:
«Насыԥ лымоушь? Мамзаргьы уи дазхәыцуоушь исымоу исымаму ҳәа? Иара? Иара имоу анасыԥ? Иара ихы
иадикылаз иԥшәма?.. Ичкәын заҵәы, зегьы ззиҭаху, абас
зны-зынла иаалырҟьан игәы цәызҟьоз?..»
Ԥыҭк иҽааникылт ацҳаҵәры агәҭаҿы. «Сажәуа
салагазаап, – ааигәахәт уи. – Ианакәзаалак убри
сазымхәыццызт...» Ацҳаҵәры иаҵсны ашәах хаччыло
илеиуан аӡиас, илеиуан, аагылара ақәӡамызт.
Иҟалап, иԥсҭазаара ашәыҭҳа хәыҷқәа иалаԥсоу
ракәымкәа, абри аӡиас шцо еиԥш ихышхыҵәа ицо
аԥсҭазаара анасыԥдарақәа зегьы цҟьаны анасыԥ рылнахуазар.
Ацҳаҵәры дықәсны, иқәразы иааиаҭәоумшьартә
ирӷәӷәаны абӷацамкыра дҩаҿалт.Иаб игәы шырахәымызгьы ибон, аха маҷк деиӷьушәа
агәҩара аниоу, Ладикәа адәахьы ихо далагеит.
– Саб, абри ауҭраҿы аԥшыжәла асҭап ҳәа акәын, –
иҳәеит уи иаб иахь. – Уа еснагь иԥасан илаҳҵоит, сынтәа
гьы ҳагхар сҭахымызт...
– Умԥшын, дад, умԥшын, – иҳәеит иаб, – аха
иҵоукуазеи?
– Ацәкамбашь ацә аваскуеит, иҟоузеи ара, амра
ҩхашлаанӡа иақәыԥсан саалгоит.
– Убри ажәкамбашьгьы шәнашьклаԥш, хьарыдара
ицар, ишәцәылахоит.
– Уи сцаны игәасҭахьеит, – хымаԥсыма дындәылҵит
Ладикәа.
Ладикәа ацәкамбашь иавеикыз ацәгьы иара ацәкам
башьгьы даарак рымч ҭазза иҟамызт. Ацәкамбашь
ӷыҵызгаз иара иоуп, даара напы адикылт, аха иажәит,
уажәшьҭа уаҳа назылшо иԥсра убааит хәаҵәҟьа иҟоуп.
Ацә ӷыҵгамызт, уи змардаз уаҩҵас дахыламԥшит, адәы
ишықәыз иахнагеит.
«Изныҟәымгозар изигазеи, – игәы инархьуан уи. –
Изакә гәузеи шьоукы ирымоу. Рахәык рыцҳарымшьаӡо...»
Аха ара зныкгьы ицәаӷәахьан, адгьылгьы дгьыл
каԥсан, даргьы џьабаадагьы ауӷә иахон. Иара икәаҭан
ласӡа анышә еиҩырссо, ажәлақәа – аԥшыжәлақәа,
аҟәыджәлақәа, аҩымсагжәлақәа, арахь иҭаԥсаны анышә
шрықәнаԥсоз дахәаԥшуан. Абни иаб итәы игәы аар
хәашьит, акәымзар даара игәы алаҟан. Уи бзиа ибон
ааԥын, ацәаӷәара, алаҵара, зегь рыԥсы ҿыц ианҭалоз, аиашаз, иаргьы ахаан ԥсра иқәӡамшәа дҟанаҵон. Насыԥс
иҟоу зегьы иреиҳаны иԥхьаӡон, адгьыли иареи рус анеи
лаз, уии иареи акын, еилых рымамызт. Иаргьы игәы иаанагон, идгьыл абри есааԥны, илаҵаны дызхысуаз, даара
изааигәоу ауаҩ иеиԥш идыруеит ҳәа. Агәра ганы дыҟан
иаргьы дадыруеит ҳәа. Уи зны-зынла дацәажәалон,
игәҭыхақәа аиҳәалон идгьыл. Уи иидырӡоз иныруаз, адгьыл зегьы рыԥсы шҭанаҵо, зегьы ишрану акәын макьана, иара ус иахьырҳәоз шиаҳауазгьы, дзазхәыцуамызт
анышә аԥсҭазаара шахылҵуеиԥш, аԥсрагьы – шахылҵуа,
иналашәо рыԥсы шҭанаҵо аиԥш, ианафогьы шыҟоу…
– Бзиа ууит!
Ари абжьы шгаз еиԥш, акамбашьгьы ацәгьы аагылт,
Ладикәагьы ихы дҩахеит; игәы ҩыҭгәырӷьааит иашьа
даниба. Уи иаԥхьа зегьы аартны, аԥхӡы ихьшы, ичабра
ду ихыиҿы иахьшьуа, игәышԥы иҵшьуа агәара иҽаҭан
дадгылан. Абжьааԥны аҵкыс длахҿыхызшәа аниба иаргьы игәы иаахәеит. Ихцәы каԥсаны, ицлан, абас аԥхӡы
ихьшы дахьыҟаз даарыцҳаишьеит.
– Шаҟа иаамҭан уаазеи, – иҳәеит Ладикәа, – умаар
гьы аӡәы душьҭаҵан днасышьҭыр акәын.
– Избан? – иааицәымыӷхеит Ианкәа. – Ари аҷкәын
ҟадыџь арахь дхамлаӡаци?
– Грышьоу? Уи даахьеит, ана ахәыҷи иареи ашҭа
аԥынҵаҿы ихәмаруан.
– Ахәыҷы диахәмарып, ҳәарада, ахәыҷы ихшыҩ ами
иаргьы имоу, – иҳәеит, Ианкәа, уи ара дыҟоуп анырҳәа
иԥсы ааиган. – Дарԥысхеит, аха ихы анҭашәо сыздыруам.
– Уи уажәгьы ҳауп зҳәо аӡәы иаҟара идыруеит,
дшәарҭаӡам, – иҳәеит Ладикәа. – Ҳаб игәы маҷшәа дҟалан.
Ашьыжь сааиршәан, аха уажәы еиҳа деиӷьшәа дыҟоуп.
Уиоуп ара ажәла асҭоит ҳәа сзалагазгьы. Акәымзар...
– Иаууеи, – иҳәеит Ианкәа, Агантә иааигаз ибжьы
ҟаҵагьы ааиаҳаит, – ҳахьааиуазгьы ҳнаихәаԥшлон,
ажәак ааҳаиҳәалон. Аха иҟаҳҵарызеи, ҳзыхшази ҳареи,
ҳаицымиит, ҳаицыԥсуам...
– Ус егьа иҟазаргьы, ҳаб... ҳара ҳзы мацара аума, ауаа
рзгьы иажәеи ихи акыр иаԥсан... Иаԥсоуп.
– Уи уареи ақыҭаҿытәи абыргцәеи ус шәгәы иаанагоит, уаҳа? – Ихы амасарбжьара ибжьганы даахан,
Агантәи иааигаз ибжьы ҟаҵала даахәыҭхәыҭит Ианкәа.
– Ҳабацәа, аиаша уасҳәап, уаҵәыҳәа ихәыцуамызт: амал
ахь амал рымамызт, егьашьҭамызт, абаҳча ҟарымҵеит,
анхара дуқәа ҟарымҵеит... Арахь амыҷҟар рыхшон,
рымгәацәақәа ҟәиан ахәышҭаара иҽҳәаԥсан. Анцәа
илахь ианиҵаз дақәшәап рҳәон. Анцәа акгьы рхианы
улахьгьы ианиҵом, унапгьы ианиҵом. Улахьгьы аус ауруроуп, уахь, иаҵәахуа кыр ҭаӡазар, унапқәагьы уҟьароуп.
Аха унапы ус баша иуҟьеит ҳәа акы аанаго иҟам,
иамԥыхьашәо акыҟазароуп. Ҳара иҳамԥыхьашәоз ҳәа
акрыҟазма? Акымзарак! Иаҳҳәап, ҳашьцәа аиҳабацәа
арра иҭахаз аҩыџьагьы ыҟазҭгьы, – урҭ рыԥсы ҭаны
иҳамандаз аӷәыцәҳәы ҳақәтәахгьы – зегьы ҳаиҿыҵуеит
ҳәа ҳалагар, еиҩаҳшоз? Уиакәым, уара суҿыҵуеит ҳәа
салагар, ишԥаҟалоз, уаргьы акгьы уалабзамкәа, саргьы сазынмырхо... Ус егьа иҟазаргьы, ҳәарада, ҳабацәа
ҳабацәа роуп... Аха уаргьы, уажәнатә уазхәыцла, макьана аӡәы иоуп иумоу, аха, ԥшӡала, уаԥхьаҟа уԥшлароуп,
иухылҵыз акы дазрыцҳан дҟамлароуп...
Ладикәа иашьеиҳаб иааиҳәаз акгьы дақәшаҳаҭмызт,
аха бзиа дахьибоз аҟнытә дзықәшаҳаҭымкәа ииҳәозгьы
ҳаҭыр ақәиҵон.
– Уара улеи уахь, уааиацәажәала, саргьы абри
насыгӡоит, нас уаҳа акы снапы асыркуа сыҟам.
Ианкәа ихы ааирҵысын, аҩныҟа иҿынеихеит.
Ладикәа хымаԥсыма ацәкамбашьи ацәи ааирццакын, ацәаӷәара дналагеит. Уи иаҳауан иашьа иԥылаз
иԥҳәыс лгәырӷьабжь – лара, аиашаз, иашьа даара ҳаҭыр
лызиқәын, иашьа имацара иакәмызт, лхаҵа иааиҵкарыз
зегьы. Уимоу – лацалагьы. Даара зхахә ылызхуаз, зшьапы ӡыхьшәашәа иӡаазымкылаӡоз, аҽырхықәымҵара,
атәамбарақәа злаз аӡәы шлакәызгьы. Ладикәа насыԥ
иман ихы ишьон ас иҟаз аԥҳәыс дахьиқәшәаз. Аиашаз,
ихы изацәӡомызт, уи иахьа ма данаалҿаԥшлак, лыбжьы
илымҳа ианааҭаслак, ма лара лтәык анааигәалашәалак,
игәы раҳаҭӡа дааҟалон, иҟаиҵозаалак, инапы злакызаалак дацԥыҳәо.
Ианкәа иԥҳәысгьы иаргьы, егьа рхәаргьы, егьа рургьы,
ианакәзаалак урҭ ргәы рзынханы иҟаломызт. Урҭ абри
рашҭа нахыс, рқыҭа нахыс иҟоу, дара еснагь иахьсасу,
егьи адунеи ахәҭаҿы рышьҭахь ӷәӷәан, иаԥшәымацәан.
Уа дара руаа рыман ауп иаанагоз. Убри аҟнытә, абри дара
ахьаԥшәымоу еиҳа рыбӷа ӷәӷәаны, ргәы ҭынчны ирбон.
Уи абас изыҟоу ҳәа аҳәара цәгьан, аха убас иҟаҵәҟьан.
Ус, Кама дгәырӷьа-гәырӷьо лыԥхал кны даадәылҵын,
дшааиуаз аӷьарахь дааҭалан, лхаҵа иҵыруа ҩеигаанӡа
дизыԥшит.
– Сардион даниба уажәшьҭа деиӷьхар здыруада, –
лҳәеит Кама дгәырӷьаҵәа, акамбашь ықәызза ишааиуаз
лаԥхьаҵәҟьа ианаагыла. – Шәхәы ҟасҵароуп, аха зыхәда
хаҳҵәарызеи?
– Ашәишәи ахәда хаҳҵәап, – иҳәеит Ладикәа. –
Ианкәагьы ашәишәи ажьы аҽакы иалеиҵом. Нас, уаҵәы
ианцо, кәытқәак шьны, ихәылхны ирызҭаҵа. Урҭ зегьы
рымоуп, аха егьабымҳәан, ауаҩы иҩны иҩныҵуа еиҳа
ихаауп.
– Уи уара уҳәарас исҭахузеи, аха, – лҳәеит Кама дааччан, – уара рыхәдақәа хуҵәҵәароуп, сара... – лыблақәа
лымгәахь иналырхан даалацәҟәыст.
– Уи нас, ҳәара аҭахума, – иҳәан, ифырмахьц дҩахеит,
– сҵыруа насыгӡап. Аԥҳал бмырҭәааит....– ибжьы ыҵакны
иналышьҭеиҳәеит.
Лара дхьамҳәӡакәа, аԥҳал зкымыз лнапы лывыр
ҳәҳәан иаалҟьеит.– Уара шуакәыз здырит, – иҳәеит иаб ашәхымс ишьапы шынхигаз еиԥш.
– Убасҟак улымҳа ҵархама, саб? – Агантәи иааигаз
ибжьыҟаҵала ҿааиҭит Ианкәа.
– Уара уахыччоит, ушьапышьҭыбжь саҳаит, – иҳәеит аб
амцахь дыԥшуа.
Ианкәа днеин Агантәи иааигаз иҟазшьаҟаҵа
днацныҟәан, иаб илахь днагәӡит.
– Унапы сыҭ, дад, унапы, уа уанагәӡышагьы ҟалап… –
импыҵамӡо, аԥхӡы ахьшы иааникылт иҷкәын инапы, иаразнакгьы иаауижьит.
– Саб, уажәы уареи сареи ҳакәым, мышкада еибамбац рҽеигәыдыжьлан игәыдибакылоит, – Агантәи иааигаз ичча-ҟаҵала дааччан, аҟәардә днахан днаиватәеит.
– Иҟоузеи, ушԥаҟоу, угәы рахәыми?
– Иуазҳәада сгәы рахәым ҳәа? – дааҽхырччашәа
иуит аҭаҳмада. – Сара уажәшьҭа сгәабзиара иазҵаатәым
– уи усым.
– Иусуп, иусуп, саб, – Агантә иааигаз ибжьыҟаҵа наиргеит Ианкәа, – ааи, амца рыцҳа, алакҭа сынҭамԥшижьҭеи
иҵуазеи! – абри аҵыхәтәантәи ажәақәа гәҭыӷьӷьала
иҳәеит.
Иабгьы дхьаҳәны днаиҳәаԥшит, рыблақәа ааиқә
шәеит. Аб даақәыԥсычҳаит. Уи ибон иԥа иблақәа шыхараз, арахь хынҳәышьа шрымамыз.
Аха абгьы иуҭахы-иуҭахым убрахьгьы аӡәы дыҟаза
роуп ҳәа иԥхьаӡон. Иҷкәынцәа ҩыџьа аибашьраҿы,
атәыла ахьчараз иҭахеит. Аха уи идыруан, атәыла аиԥш
иҟоу аус ду, аҿаҭахьа дугьы шаҭаху. Рыԥсадгьылгьы
хьчаны, рыԥсқәагьы ҭаны ихынҳәыр – уи еиҳаз насыԥ
ҟалозма, аха ихнымҳәызаргьы – руал, рҭаацәа, рқыҭа,
рабацәа, ранацәа руал нарыгӡеит. Иара абрагь, уалны
ирыдны, убри ашәара иара иникылазшәа ибон аҭаҳмада.
Иара ихаан ус иҟамызт, аха уажәы аамҭа аҽакуп, усгьы
аҭахуп. Аҭаҳмада изы, ихылҵыз зегьы еиҵаҩҩы иахьа
абра еихыԥа-еиҵыԥо ибозар, иааигәара иҟазар акәын
зегьы иреиӷьыз. Аха ус мацара ишамуагьы идыруан.
Ауаҩы убас еснагь анахьи арахьи дагьеимдырххоит,
ианакәзаалак ихы дақәиҭны, акгьы далахәымкәа, аӡәгьы
дилахәымкәа, агәырҩагьы ивсуа, агәырӷьара мацара
иҭаауа изыҟалаӡом. Уи ус шакәу иԥсҭазаара неиҵых аҿы
ибеит, еиликааит иара ихаҭала.
Ус ахәыҷқәа ааҩнеибаҳәеит.
Грышьа дааин иабду даагәыдикылт. Абдугьы уи ихы
днагәӡын, инапы ианҵаны иааигәыдирӷәӷәалт.
– Уарԥысхазаап, дад, усымбеижьҭеи, – уи блала дааимидеит. – Бзаза, уара уа узгылоузеи, умааскьо?
– Сара ашьыжь сааскьахьеит, уагьгәыдыскылахьеит, –
иҳәеит уи.
Зегьы ааибарччеит.
– Шәца, шәца, – иҳәеит аҭаҳмада, – шәызхара шәыхә
мар. Грышьа, уаргьы уажәы ахәмарра бзиа иубоит, избанзар ирласны уаҟәыҵуеит, уарԥысӡахоит. Бзазагьы бзиа
ибоит, избанзар уажәоуп даналага.
Урҭ уаҳа иажәа ҩбамтәкәа индәылеибаҳәеит.
– Уажәшьҭа ҳәатәыс исымоузеи, аха, – урҭ андәылҵ
иҷкәын иахь даахьаԥшит аҭаҳмада. – Анцәа диааӡааит,
дышәҩыкхааит, аха аӡәзаҵәык ихала, иаргьы дрыцҳа
ми. Дкьацәӡа. Ахшара ауаҩы димазароуп – уи иуалуп.
Аԥҳәыс зегьынџьара ҳаҭыр лықәҵа, лаԥхьа умиасын, аха
убриаҿы данаашьа, лхы қьан анақәылҵа, даныҽырба
– ахаҵа дхаҵам, баша бӷьыжәуп, акакан анырҟәыбоз
иацырҟәыбаз.
– Саб, уара иуҳәо ихәыцуа ауаа аҽакала иаарҳәны
иқәдыргылахьеит, – иҳәеит Ианкәа Агантәи иааигаз
иажәа ҟаҵақәа рҿааирхан, маҷк игәы иҩыҵаххны. –
Ԥасеиԥш адәы рықәыԥсара ауам уажәшьҭа, ахшара дануоу дуааӡароуп. Џьара акы деиԥшутәыроуп.
– Шәара шәашьцәа ҩыџьа ирыхшашаз рхымшакәа
иҭахеит, убарҭ ртәгьы шәазхәыцыр акәын... – иҳәеит
аҭаҳмада уи ииҳәаз дазымӡырҩӡакәа.
– Саб, – Агантә иааигаз ибжьыҟаҵа наиргеит Иан
кәа. – Аиаша уасҳәар уҭахума? Шәара шәхаан аҽакала
иҟан: рыхшара рзы хыла акгьы рымамзар ауан,
иарԥарцәахаанӡа еиқәа рышьарымҵар. Урҭ даргьы ус
иахәҭоуп ҳәа ирыԥхьаӡон, изхылҵызгьы. Аха уажәы ус
иҟалом, аӡәы иакәзаргьы ԥаса жәаҩык ирыԥсахоз ааӡара
иуҭароуп, аҵара иурҵароуп, деилоуҳәароуп, деилоуцароуп, иԥсы иуршьароуп, игәы ҟауҵароуп. Аҵара иурҵеит
ҳәангьы акгьы аанагаӡом – адиплом егьаҩы ирымоуп. Ауаа дрылоугалароуп, аҳаҭыр иоуртә, иахьынӡалшо
иреиӷьу аҭыԥ изуԥшаароуп. Иара аԥҳәысгьы убас, даара уашьклаԥшны дизааугароуп. Акәымзар, ари аулица
дахьану, зҿырҟьара злымҳақәа иахшьны иааибаз аӡәы
дааигар уабацои?
– Иаауҳәаз акы иузақәмыршәеит, – иҳәеит аҭаҳмада
игәы иҵаххны. – Уара уахьыҟоу аҭыԥан ишыӷәӷәоу здыруеит, имариоуп сҳәом, аха убрагь уҿыцуп уара – ус иунарбоит.
«Убрыгь идыруеит...» – ааигәахәт иԥа.
– Ауаҩы, дуԥазаргьы, дуԥҳазаргьы, уара иухәҭоугьы
идуҵароуп, аха иара изҳароуп аҵлеиԥш, ани шәара
ақалақь аҿы аҩны аҩныҵҟа аҟәџьал иҭаргылан ишәааӡо
аҵиаақәа реиԥш акәымкәа...
– Егьа ус акәзаргьы, ахшара иикуа, иишьҭуа акы изынужьроуп, – иҳәеит даагәамҵын Ианкәа. – Ҳара ҳаиԥш
зегьы аҵла амҵа аҟнытә даламго, акәымзар, хара
дызцаӡом, ҳара ҳахьҩеиз дзахысӡом.
– Еи, дад, убри аҵла амҵантәи иугаз игумыжьын,
нас акыр ихьуазар, уара унаҩсгьы акыр дшынаскьо
сара агәра усыргоит, – иҳәан, ариаҟара дахьцәажәаз
ихлахаҵ ааилууаан, иблақәа ианаарықәлашьца дааҭгылт
аҭаҳмада.
«Уи ауп арахьгьы даиуамкәа наҟгьы даиуамкәа иахьагьы дзыҟоу, – игәы ԥыжәжәон Ианкәа. – Абрахь
иаашьҭрагьы лара лхахәылхрақәа роуп изыхҟьаз.
Лнацәхыԥ ахьшәыз иамыҷҷар ҳәа дшәон...»
–Уа ауаҩы даннеилак, абасынтәи иигаз ала иԥсҭазаара
ԥашәиркыроуп, акәымзар, уа имазеины ирымоу ада акгьы сҭахым хәа згәы иаанагаз джьоуп. Ауаҩы наӡаӡа нхара дахьцаз дышсасу днымхароуп...
Ианкәа даламцәажәеит аҵыхәтәантәи аҭаҳмада
иажәақәа.
– Иахьа аӡәы сиабжьоит ҳәа сгәы иҭамызт, саҭоумҵан,
– дааччашәа иуит аҭаҳмада. – Уахьааз бзиан иҟауҵеит.
Сара ара сыҽҳәажьзароуп, уара усыдымхалан, ундәылҵ,
ҳауа цқьак аауҿарс. Унеи, дад, унеи!
– Бзиоуп, сындәылҵып, – иҳәан, дҩагылт Ианкәа. –
Уажәыҵәҟьа сеиҭааиуеит.
– Умыццакын, – иҳәеит уи иԥа дишьклаԥшуа. – Уи макьана ус ишыснарбоз еиԥш иааигәам, – нациҵеит аҭаҳ
мада, дааԥсангьы илацәақәа неиқәиԥсеит дахьтәаз.Кама аӡы лыман даахынҳәуаны, дааннакылт. Лыԥ
ҳалгьы уа иналыргылт. Лгәаҵаҿы џьара ишьапы иҟьон
уи: атыгә-тыгә-тыгә!..
– Иԥсы ҭалт! – лҳәеит Кама.
Уи лхы длахан лымгәа акәаракәараҳәа иахьеис
уаз дахәаԥшуан. Иаразнак аԥхӡы аалықәнаҭәан, аԥша
хьшәашәа налысызшәа, лыԥсы аалгеит. Раԥхьа ахшара
лцәа даналашәаз акәын уи аԥхыӡ далоушәа, лхы агәра
лымго, дагьшәо, дагьгәырӷьо дандәықәыз. Зныказ, егьа
лундазгьы лхаҿы илзаагомызт, аҽа ԥсҭазаарак лара
иныҟәылгоит ҳәа. «Лыбаҩлтәым, – лгәы иаанагон усҟан, –
лыбаҩлтәым... Аҽаӡәы иара иитәым абаҩ ныҟәигоит ҳәа
акәхап иззырҳәо...»
Уажәшьҭаҵәҟьа уссгьы искуам ҳәа дыҟан. Аха мшаҽ
ны дшыҟаз деиҭааҟалеит. Абжьааԥынтәи лаԥшҿаԥштәи
лыԥсҭазаара еиԥшымкәа, аҽакы дҭанагалан, уаанӡа
лылаԥш зышьцылахьоу зегьы ҿыцбарах ибаны дры
хәаԥшуан, аиашазгьы, уаанӡа зынӡа илымбоз акака рыдылбалон.
– Анцәа, анцәа, – лҳәеит уи лыбжьы лмаҳауа, –
усзихылаԥш сысаби, сымаалықь... Анцәа, анцәа...
Нас лыԥҳалгьы амаршәа кны ашьшьыҳәа иаашь
ҭылхын, лыжәҩахыр ахьгьы иҩамгакәа, илывакны
лҿыналхеит. Ахкаара иҿаз агәашәаҿы днаӡаанӡа, иахьа
акамбашь иақәдыртәоз аӡӷаб ҵәрышкәа хыхьынтә илагаз, ахаҳә шкәакәа баҳҭ-баҳҭ изқәыԥсазшәа излыԥшуаз
амҩа данысны даалԥылт.
– Аа, Мимоза, – лҳәан, лыԥҳалгьы налыргылт Кама
дычча-ччо.– Баргьы бымышьҭа бзиоуп, саргьы. Ус зысҳәаз
мышкызны ибсырдыруеит: баргьы шьҭа бҭыԥҳахеит.
Уи лханытә лшьапанынӡа дааимылдеит: иахьа иԥжәаз
лыҵкы аҟара иҟаԥшьымкәа, иҵегьы иԥшӡаны иаԥшьыз
ҵык ҿыцк лшәын. Лыҵкы ахьҿыцыз, амра иашәны,
имҽыӷӡа иҟаз лнапқәеи лшьапқәеи ахьынӡааԥшуаз,
зныказ аҷкәын еиҳа диеиԥшнатәуан. Аха илҳәыгәылҳәыгәӡа аара иаҿыз лгәыԥҳә хәыҷқәа, ихыҷҷаӡа иҟаз
лқьышә ԥшӡақәа ркәакьқәа рҿы аиргьҳәа иқәубаауаз
ахәы ԥшқаӡа даннахәаԥш, Кама лыҽлызнымкылакәа
даалгәыдылкылан, дылгәӡит. Ларгьы уи зегьы зызҳәаз
гәынхәҵысҭала идырны, лыбла ԥхашьақәа амца рхы
хәҳәыла, бзиа дбаны, ихтны Кама дналыхәаԥшит.
– Аԥҳал сара изгоит, – лҳәан, дыццакны уахь лнапы
налырххеит Мимоза.
– Ибцәыхьанҭахап, баргьы ахьанҭа шьҭыбхыр
ҟалаӡом, уажәоуп бызҳамҭа банықәу, – лҳәеит Кама. –
Бара макьана бқәыԥшуп, аха ҳара зегьы ҳанқәыԥшунатә
ҳхы ҳахьчозароуп…
«Ҳабаҩ анаҳтәым ҟалоит, – гәаныла инацылҵеит уи, –
аҽа ԥсҭазаарак ахы ыҵнахыртә, иныҟәнагартә иҟазароуп
ҳцәеи-ҳжьи...»
Мимоза дцәыҵыԥшшәа дааччеит, аха аԥҳал уеизгьы
лара инылкылт.
– Ари абжа акәзаап иҭаз, – дааччан, имырхьаакәа
лыԥҳал ҩышьҭылхит.
Еивагылан рҿынархеит.
– Сгәы иҭоу бдыруоу? – дҵааит Мимоза. Уи Кама
длышьцылан дыҟан, насыԥ лыман дахьылбоз, дахьаартыз азы дылгәаԥхон. Насгьы, егьырҭ аҭацацәа, уимоу, зхәыҷқәа заҟароугьы, аӡәы хаҵацара бзиоуп,
насыԥуп лҳәо лмаҳацызт. Аӡәы лхаҵа дылшәиуан,
аӡәы лхаҵа иҭаацәа, ланхәа, аҽаӡәы – ибжьацәажәан
дизызҳәаз. Уимоу, рхәыҷқәа рзгьы, изыхшаз иеиԥшуп
ҳәа анырҳәоз ыҟан. Кама лхаҵа иӡбахә анылҳәозгьы
длашон, лцәа ахьылтәымыз аҟнытә аҩаза илҿазгьы
дақәгәамҵуа лмаҳацызт, аӡы иафан имҽыӷӡа иҟалаз
лнапы ԥшӡақәагьы. Ара даанагеижьҭеи акыр ахәажәцәа
ахьлыҟәнылахьазгьы. Уи насыԥ лыман – ларгьы илӡа
ӡомызт. Егьирахь лџьабаагьы лхьаагьы – зегьы усҟак
иуадаҩмызт.
– Ка-ма, – лҳәеит Мимоза, шьҭыбжьыцыԥхьаӡа, ахьы
хаԥыцла иангәарҭо аиԥш игәаҭо. – Быхьӡгьы анасыԥ
иақәнагоит. Мимоза, Мимоза, – иналҿҳәа-налҿҳәаны,
згьама цәгьоу акы лхаԥыц ақәлыргылазшәа, лхы-лҿы ааицакит, – ари аиԥш ахьӡ анасыԥ ианаалом.
– Избан, избан? – даарыцҳалшьеит уи Кама. Ахьӡ, аиашаз, ларгьы илгәаԥхомызт.
– Аха сара издыруеит ишыҟасҵо, – лҳәеит Мимоза
дыԥхамшьакәа. – Сыхьӡ сыԥсахуеит.
– Ишԥа?!
– Санцалак… Ус ҟарымҵо, аҭаца лыхьӡ рымԥсахуеи?
– Изҭаху иԥсахуеит. Сара исыԥсахыр Ари имуит.
– Мариам сыхьӡхоит – лҳәеит аӡӷаб дмыччаӡакәа,
агәра ганы. – Саб ианду илыхьӡын. Рандуцәа, рабдуцәа
убысҟаҩык ыҟан, аӡәгьы дыргәалашәаӡом, ари лыԥсы
ҭоушәа ауп лыӡбахә шырҳәо. Уажәы ҳара ҳахьынхо
ахәаҿы инхон даргьы. Быжьҩы ԥацәа лыман. Урҭ зегьы
ахьынхоз уантәи илбарҭан. Шаанӡа дгылан даныԥшлак,
аӡәы илҩа мҩеиуашәа анылбалак, дықәгылан изҿылҭ
уан, уара акгьы улҵуам уажәгьы улҩа мҩеиуазар хәа.
Кама уи бзиа дбаны длыхәаԥшны дааччеит.
Ашҭа иахьынҭалаз Ианкәа дыхрааӡраауа ашҭа ды
қәын. Уи днарызхьаԥшын, ус аушәақә днарыхәаԥшын,
дырҩегьых ахрааӡраара дналагеит.
– Џьара иҿы акы ҭаимыршәыц дааижьҭеи, – даахәыцхәыцит Кама, лабхәында иахь дынцәыҵыԥшын, – аԥҳал
арахь исыҭ, иҭабуп. Макьана баалеиҩеи, бымбои Бзазараа ашҭа аԥынҵахь иҟоуп, шәааицәажә. Нас, нас...
Кама абригь лҳәеит, аҩныҟа дааццакит. Ладикәа
илаҵатә далган, акәаҭан агәашә аҵәҩанқәа ирыбжьаҵа
ны иаанижьт. Акамбашьгьы ацәгьы наҟ аҳәысҭахьы
ианҭица, ана-ара рқьышәқәа нықәшьуа, наҟ рҿынархеит,
хара ицарц, иахьа уаҳа ауӷә ҳаҵашәом ҳәа агәыӷра рыманы. Ладикәа дыццакы-ццакуа ашҭахь дааҭалан, ашьацахь днеин, акраамҭа анышә иаганы иҟаз ишьапқәа
ирыцқьон, ашьац илшьуа.
– Мимоза... бышԥаҟоу? – иҳәеит уи зегьы ирмаҳартә,
аха лара илаҳартә.
Ларгьы лнапы аалҟьан дааччеит.
«Иаргьы насыԥ имоуп, иԥҳәысгьы...»
Макьанагьы дазыԥшын лара, Ианкәагьы игәалашәан,
даахьаҳәны абри дзыԥҳада абас иҭыԥҳахаз ҳәа дҵаап
ҳәа. Аха иашьа даниба уи ихрааӡраара дааҟәыҵын, уахь
иҿынеихеит. Мимозагьы лқьышә днықәылҵан, Грышьеи
Бзазеи рахь лҿыналхеит.
– Абар амазонкагьы дахьааз, – иҳәеит Грышьа даниба, лыҵк ҿыцгьы илаԥш иаамԥыхьаиршәан, уаҳагьы
дазымхынҳәыкәа.
«Ақалақьаҿы уи аиԥш аума иршәырҵо, аха ирҭаху
ршәырҵалааит, сара сагьрацлабуам».
– Сара амазонка сыхьӡӡам, – лҳәеит лара лгәы
нмырхакәа, – сыхьӡ ухамышҭыргьы ауан, сара ибзиан
усгәалашәоит. Шаҟантә ҳаицыхәмархьаз!
– Быхьӡ схамышҭӡеит, – иҳәеит Грышьа, – ҳанеи
цыхәмаруазгьы иахьеиԥш исгәалашәоит. Амазонка – уи
џьара саԥхьеит – ҽыла мацара иныҟәоз аҳәса еибашь
цәа ирыхьӡын ажәытәӡа. Урҭ рхала инхон, ахацәа ирабашьуан.
– Оо, – иааџьалшьеит Мимоза, – еидҿаҳәала итҟәаны
изгон сара сакәзар, ахацәа....
– Итҟәаны ибгон? – дааччеит Грышьа.
– Исҭахқәаз... – лҳәеит Мимоза дыԥхамшьаӡакәа, –
исгәаԥхақәоз!
Бзаза дыԥхашьан ихы лаирҟәит.
– Мимоза акәӡами бара ибыхьӡу? – дҵааит Грышьа.
– Мап, сара Мариам сыхьӡуп!
– Мимоза... – иҳәеит Бзаза.
– Мариам! – лҳәеит лара.
– Улҟәаҵ, Бзаза, лыхьӡ лара еиҳа илымдыруеи! –
иҳәеит Грышьа Бзаза инапы аанкылан.
– Гызмал Икәара угәалашәауоу? – дҵааит лара
лҽырхықәымҵан.
– Исгәаламшәакәа.
– Уажәы узцару уахь?
– Уажәу? Уажәы сымцакәа.
– Узцом! Уҭахызар ҳаисап.
– Ҳаисап!
– Уаала, уаала ма соушьҭ, – игәы кыдгылан дихон
ахәыҷы.
– Баала баргьы.
– Мап, сара Кама слыцхраауеит.
Дара рҿынархеит.
– Зегь дарароуп – Гызмал Икәарахь узцом, – лыбжьы
геит уи.
Ианаахьаԥш, дызлахьӡа здыруада, амаҵурҭа аԥхьа
днеихьан. Уаҳагьы дхьамԥшӡеит.– Гызмал Икәара абыкәу? – дҵааит Бзаза агәашә
ианынҭыҵ.
– Уи ԥыҭк набжьоуп, абри аккара зегьы улсны уцароуп, нас аӡбааррагьы ыҟоуп. Нас иара Гызмал Икәара,
ахаҭа хәыҷуп, аха аӡыжь дуқәа ҟаҵаны иамоуп, еиқәа
ҵәа-еиқәаҵәаӡа, хыхь аҵлақәа ахагылоуп, ахаан мра
ҭаԥхаӡом.
– Ӡызлан дамоума? – дшәаны дҵааит Бзаза.
– Ӡызлан лымацара лакәындаз, адаугьы, зхы инаркны зшьапанынӡа иқамсысӡа иҟоу, нас – аҩсҭаацәа,
аџьмашьапқәа рыҵаҵан, ржакьақәа рыла рӡарақәа
ҿаҳәаны...
– Аа-аа... – Уаҳа изымҳәакәа исаса ахьааихихыз дынхеит Бзаза.
– Бзаза, умшәан, уи зегьы ирҳәоит, мцуп. Ахәыҷқәа
аладыршәоит, уаҳа акымзарак ыҟаӡам, – цқьагьы игәы
азҭамкәа ҿааиҭит Грышьа.
Раԥхьатәи агәашә хьанҭан, апалқәа ҟьаҟьан. Урҭ зегьы рҿы иҭаԥыҟҟаны акы анын. Грышьа днахәаԥшит:
«Мариам» ҳәа ианын зегьынџьара, иҭаԥыҟҟаны, рацәак
иԥшӡамыз анбанқәа рыла, акыр инарҵаулан.
Грышьа иааџьеишьеит.
– Мариам лыхьӡҵәҟьазаап, лара лоума ас агәашәқәа
зҿаҟәо?
– Мимозоуп илыхьӡу, ари анҭ абжьысқәа роуп
ианызҵаз – Ԥианцеи Хьымцеи.
– Урҭ еишьцәоума?
– Еиҩызцәоуп, – иҳәеит Бзаза ибжьы ныҵакны,
дагьынаԥш-ааԥшны. – Урҭ даара ибжьысқәоуп. Ашкол иҭырцеит. Ахәыҷқәа бжьырхуеит. Еиҳарак Ԥианца.
Ма изакә леишәоузеи ирымоу! Даара, даара рлеишәа
цәгьоуп. Зегьы рыцәшәоит.
– Ԥианца ани ахылԥа ду зхоу иоума?
– Ааи, уи ихылԥа зынӡа ибла иҭаижьуеит, нас зегьы
шәоит. Иааиҭаххаз ҟаиҵоит.
– Убрыгь ани зыӡбахә рҳәо адау диҩызоуп. Дымцуп.
Аҳаҳаи уицәымшәан.
Бзаза ҵаҟантә дҩеихәаԥшын, агәыӷра иман днаи
хәаччеит.
Аиашаз, Ԥианца иоума, иара Хьымца захьӡу иоума –
зегьы рхыԥсаауеит. Уи мариоуп, аха уажәы ицәгьоу Гыз-
мал Икәара ауп. Баша илымҳәаӡеит уи аӡӷаб мӡышәа.
Дара рзы уажәшьҭа уи акгьы аанамгозар ҟаларын, аха
иара ақалақь ҷкәын изы уи макьанагьы ицәгьан. Зегьы
мцуп ҳәала, агәрагьы угоз, аха ани агәыҭрыхьҭшьаара
нхоит.
Егьи агәашә ианнадгылагьы, апалқәа зегьы «Мариам»
ҳәа рнын.
Грышьа дааԥышәырччеит.
– Мимоза дрыцәшәауоу Ԥианцеи Хьымцеи?
– Мимозоу? Мимозагьы дыӷәӷәоуп, дрыцәшәаӡом,
убри аҟынтә цәиккрас иҟоу зегьы лзыруеит, – иҳәеит
Бзаза, дырҩегьых даанаԥшы-ааԥшын.
Аӡаҩа ианазааигәаха, Бзаза дыҩны днаидҟьан раԥхьа
уа днахагылт. Илаԥш адырхалан дынӡааԥшылан, инапы
хәыҷы ивырҳәҳәан иҟьеит, ашьшьыҳәа уааила ҳәа. Грышьагьы днеины данынӡааԥшыла, аиашаз уи адаӷь кәтаӷь
цыра иазҳазшәа ибеит.
– Аԥсы аҭыԥ аҽарҭбаауеит, – иҳәеит маӡажәала Бзаза.
– Сара ара саагылан сахәаԥшлоит, уара уца.
– Аҽаџьара умцааит...
Уи ихы ааирҵысит.
Грышьа аҩныҟа иҿынеихеит.Аҭаҳмада уа ашьшьыҳәа дтәан. Иԥацәа аҩыџьагьы
аҿаԥарахь Кама илыцыҩналан, рыбжьы ыҵакны акы
еибырҳәон. Ианкәа шаҟа дацԥыҳәан дцәажәоз ала,
фатәык аӡбахә рҳәон. Уи акраамҭа арахь данзымаалак, ақыҭа чыс деилаҳауан. «Уа иаасфо зегьы баша
мгәарҭәыгоуп, акы сгәы иабо иҟам», – иҳәалон уи дшааилак.
Аҭаҳмада, ихшыҩ, ихәыцра џьарак изаагыломызт,
аҽазышьақәкуамызт, аҽазырҵауломызт. Аҭыԥ амамызт,
аҭыԥқәа зегьы агахьан, аҽархиахьан, ани аԥсҭазаара,
аҭыԥ еснагь иамазкуа, ианаҭаххагьы иамызхуа. Уи иахьа
ашарԥаз еиликааит иара. Даара иаҳаҭыр абошәаҵәҟьа
аҽинардырт. «Уҽырхиала, уажәшьҭа иаамҭоуп...» –
аҳәеит уи абжьы мыргаӡакәа. Зныказ зегьы иаҳауан, еиликаауан, аха ицәеижьы ихдырра иалҵны инаскьазшәа,
зынӡа иҟаӡамызт. Аха ишо ианалага уи хыннарҳәит.
«Уҽырхиа, аҽа ԥыҭк ухы иархә...» – аҳәеит уи ҿымҭӡакәа.
Макьанагьы ихы иаирхәон уи, аха иҟоушәа-иҟамшәа,
зны-зынла аҳауа иналаӡыҭуан, ихдырра нхон, убрыгь
мчыдан, ус баша зымҵәыжәҩа зҟьо, махәык иқәтәан
зыԥсы ззеиҭамкӡо аԥырԥалыкь аиԥш. Уеизгьы аҭаҳмада
ибон уи ус ишыласымхоз. Убри аҟынтә, иҭахын Кама
дааццакны иҷкәынцәа рхәы ҟалҵар, иааидтәалан
рқьафқәагьы ҟарҵарц. Уи аусурамшха итәаны аҩы
зжәуаз ианакәзаалакгьы ҳаҭыр изрықәмызт. Адгьыл
знапы алаку иԥагьы, анцәа иџьшьала, ацқьа диеиԥшын
уи аҿы. Аха егьи иԥа Агантә данаалак, иааидтәалар,
хәыҷык еицыржәыргьы иҭахын. Ирацәамкәа. Уимоу, иаргьы ихы рылаирхәлон. Иԥеиҳаб дрыцҳаишьон. Адгьыл
дахьацәыхарахаз, уи амч алԥха-агәыԥха ахьимам азы.
Аҭаҳмада, уеизгьы иԥхьаӡон, иара егьа дгәаҟуазаргьы, уа
дахьыҟоу ахәҭоуп ҳәа. Уи макьана убратәи адгьыл амч
ихәартә, инырыртә дыҟам, аха иԥа дҟалароуп, иԥа иԥа
дҟалароуп ҳәа иԥхьаӡон. Адгьыл – ақыҭаҟны акәзаргьы,
ақалақь аҟны акәзаргьы – иқәу иаԥшәымоу дадыруазароуп, убасҟан ауп ианыраҳаҭхо ҳәа иԥхьаӡон.
Иԥеиҳаб ус дзыҟаломызт макьана. Уи, иара дар
гәаҟуан. Убри аҟнытә, ииҳәоз ихшыҩзцарақәа дышрықә
шаҳаҭмызгьы, гәыбӷан ииҭомызт. Аиҳабрагьы еснагь иара
ииҭон, диазҵаауан. Ас данааилоз, аҵәыцақәак анижәлак,
доунажьуан, усҟан ани абжьыҟаҵа ихалозгьы бжьаӡуан,
иибац иԥа иакәны, ицәажәашьҭыбжьгьы ԥыҭрак игәы
иҭнымҵәо дынхон.
Иԥеиҵбы хазы дыргылан дизхәыцӡомызт. Уи иара
ихаҭа иакәушәа дибон. Џьара дызлаиқәымгәыӷуаз акы
ыҟамызт: аусураҿы аума, аламыс аҿы аума, анхара
хшыҩ аҿы аума. Уи дхьатиԥатиуа дыҟамызт, избанзар
инапгьы, ихгьы, игәгьы, иԥсгьы аус рыман. Иара ианиааз,
еиҳа ауаа рус дахнагон, анхара атәы ангәыгәҭаижьуаз
ыҟан – усҟан, усҟан аҽа аамҭан. Ладикәагьы иԥсҭазаара
гәыцәс иамоу анхара ауп. Ауаа русаҿы дноугаргьы
ихәы ҭаижьӡом, ииҳәогьы иазыӡырҩуеит, иалнадоит,
избанзар уи аусаҿы дыӷәӷәоуп. Насгьы ауаа рус иахьа
аҳәынҭқарра анапы иануп, анхаҩы инапы еиҳа иану
анхара-нҵыра ауп.
Ладикәа иԥшәмагьы, иаргьы, ахәыҷгьы – зегьы –
аныҳәаҩ ишиҳәаша иҟан.
Аҭаҳмада ибон, хәыҷы-хәыҷла ани зегьы ирзеиԥшу
аҳәаахьы дышнеиуа. Даара иаџьишьоит ицәеижьы
абас зегьы заа иахьадырыз, иара ахаҭаҵәҟьагьы
игәиҽанӡамкәа иахьаанамышьҭыз. Ахьаагьы макьана ибылбылуаҵәҟьа имам. Аха, абни иеилышшара
ибжьышәшәоит убри аиԥш ҵа змам атыша ахьшәашәара,
иԥсыԥ изаҵымго акыр даныннажьуа ыҟоуп.
Ихигахьоу, дшынхоз, насыԥ имазу имамзу – уҳәа
дааҭгылан дазхәыцқәар иҭахуп, аха урҭ зегьы игәы ишҭоу,
иблала ишибо аныҟәара ду дызланакыз дрыхганы даман
ицоит, аангылашьагьы амаӡам.
«Ииашан сыҟан, сыҟанаҵ; иахьынӡасылшоз, иа
хьынӡеилыскаауаз... Деиҵоуп, еиҳа дуаҩы лаҟәуп ҳәа
уаҩы сиӷрамгылеит. Ус иҟаз ишьҭыхра сашьҭан. Саӷа
дыҟазаргьы – игәырԥса ҟалартә иҟасҵомызт... Ихьыр
хәра акәымкәа, ирԥхашьара сашьҭан... Сара имцуп ҳәа
исыԥхьаӡоз ианакәзаалак садымгылт... Ус анакәха, –
сыԥсаҭа уаҩы ицәҳартә сыҟам...»
Абарҭ иреиԥшыз ахшыҩзцарақәа ԥыҵәҵәа-ԥыҵәҵәа
изааиуан, аха рынагӡаха, рырҵаулаха иаӡомызт. Уи игәы
иалан, аха уаҳа иамуазар акәхап ҳәа игәы иаанагон.
Иџьоушьаша, иара аԥсҭазаарагьы усоуп ишыҟоу, ауаҩы
ицәеижьы дҭаҟаца даныҟоу игәеиҭом акәымзар. Адунеи
дуӡӡа аныҟәара уаналанак иумчузеи.
Зны-зынла иҭакәажә, иԥацәа иҭахаз рсахьақәа иаԥхьа
иаагылон. Урҭгьы ианбзаз аҵкысгьы рлакҭақәа ҭкааны
дырҭаԥшуан, аха иара гәыбӷан ирҭо ибомызт.
Аҭаҳмада анцәа мыцхәы ичычазгьы бзиа ибомызт, зынӡа зқьышә дықәызҵозгьы. Аха иараҵәҟьа
ианакәзаалак агәра игомызт ауаҩы иԥсы нарцәыҟа
иахьнеиуа инагӡахоит, мамзаргьы уажәы зсахьа ибо
аԥсцәагьы иара игәалашәараҿы, ихаҿы иԥхьакны
иахьыҟоу ицәырҵит акәымзар, наҟынтәи иааны
рҽидырбоит ҳәа. Уи иԥхьаӡон, ауаҩы дыҟанаҵгьы,
данԥслакгьы, дынхозаргьы, дыӡӡазаргьы – аарцәоуп зегьы ахьыҟоу ҳәа. Нарцәы – абаҩқәа заҵәык. Аха убарҭ
абаҩқәагьы даара иус дуны иԥхьаӡон.
Уажәы ихьухьууа иааигәалашәеит, иԥацәа рҩыџьа
рыбаҩқәа, ара иара дахьрыварымжуа, аҽаџьара ишынхаз.
«Егьа ус акәзаргьы – баша агага еиԥш снықәба сым
цеит – схәышҭаара нхеит, уи назыгӡашаз нхеит... иҵегьгьы
инаскьазгаша».
Убри аамҭазы Кама лнапқәа наҟ-ааҟ инапқәа ныркылеит. Уи лнапқәа идыруан.
– Шәиарҭахь шәнеи, иаҳа шәыԥсы аашәшьап, –
лҳәеит уи.
«Схьышьшьуашәа рбазар акәхап...»
– Бзиоуп, дад Ладикәа, уааишь, – ибжьы наиргашәа
иуит, Ладикәа дшихагылаз аҟара шидыруазгьы, дара
рыхәмарра дацыхәмарырц.
Ииарҭаҿы данықәиа, аиашаз, иԥсы ааигеит, иблақәа
цқьаӡа иаахитит.
– Зегьы шәлыцхрааны фатәык ҟашәҵа, – иҳәеит уи. –
Очамчырантәи иаазгьы иааижьҭеи ус иҟоуп.
– Зегьы уажәыҵәҟьа иҟалоит, ашәишәи уажәы иааихашуеит, нас еиларшәшәаны иҟаҳҵоит, еиҳа иласхоит, –
иҳәеит Ладикәа.
– Баба изы хазы иҟасҵоит, аџьыка зынӡа ирмаҷӡан, –
лҳәеит Кама. – Баба, иара ус атәан ацарагьы шәзыҟасҵап,
ани бзиа ишыжәбо аиԥш, акама хыххылан.
– Акама хыххылан, ибзиоуп, – дааччеит иара, – егьи
схәы алхны иҟабымҵан. Аџьыка цқьа измоу сфар сҭахуп
– сгәы ааимнахып. Иазхоуп уажәшьҭа аҽырқьанцыцра…
Иаразнак зегьы ццакы-ццакуа русқәа рахь рхы надырхеит.
– Исхашҭыз, – ибжьы мчыла иҭкаауа инаиргеит аб. –
Ладикәа, акы ушнацҳалак, акамбашь унашьҭаԥш. Хьарыдара Гызмал Икәарахь ианца – илахоит. Нас ахәылԥаз уи
аха уоурым...
– Хьаас иҟоумҵан, – ибжьы ааҩит Ладикәа. Аҭаҳмада
дырҩегьых адунеи ду аныҟәара даман аҿынанахеит. Аха
уажәы усҟак имыццакыкәа, еиҳа ирбо, еиҳа аԥсцаха иҭо.Грышьагьы Мимозагьы, зегьы акака ирҿын. Уимоу,
иара Ианкәагьы. Уи аҩқәа шгәеиҭоз хәыҷык иқьаф

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аӡыжь - 08
- Büleklär
- Аӡыжь - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3482Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3383Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3460Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3431Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20980.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3450Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3406Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3287Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3413Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3424Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2837Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.