LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аӡыжь - 04
Süzlärneñ gomumi sanı 3460
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2210
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
дынхеит. Анкьа зны, ахьатә ӷәы жәпа иалхны, ҟауарла
еиқәҷаб ихыбны, зыҩныҵҟа аӡлагарахьча иҭыԥгьы,
алагатә зманы инеиуаз рҭыԥгьы ҟаҵаз, ҩ-лу дуқәак
аххаҳәа илаго изхаз аӡлагара уажәы ахыбра ҭабганы,
ажыц ахиаан игылан. Ҳәарада, алуқәагьы ҭыргахьан.
Ақыҭа агәахьы, кынҩааларак аҿы идыргылаз ахыбраҿ
игҿоуп урҭ. Уажәы фымцала илагоит. Рџьықәреи абжа
былны, абжа лаганы ирнаҭоит. Уажәы абиԥара ҿыц ҳәа
ажәа ҟәазқәа ззырҳәо, аӡы ӡлагара иалаго иалхны акгьы агьама рымбаӡац. (Абарҭқәа ахьибоз, иаалырҟьан,
ачараҿ дзыдтәалақәаз ааигәалашәеит.)
Аҽакгьы дақәгәыӷуамызт, аха иблалаҵәҟьа ианиба, игәалаҟазаара иҵегьгьы ихәашьит. Ацҳа дықәсны
амҩадуахь данкылс, анаҟә ҿыцхан, еиҳагьы ижәпахан,
илбааӡаны адгьыл иқәҳаит. Уи шьыбжьаараны ихыҵ
ӡароуп, уажәааны зынӡа иҟамзароуп, аха иахьа зегьы
кшаԥаны иҟан.
Амҩа машьынала иҭәын, зегьы рылашарақәа аркын.
Убас ишыҟазгьы, анҭ зегь реиҳа иццакуаз, уажәы-уажәы
иааиларгон, архала ииасуа аӡиас еиԥш еиҟарашәа,
еиқәшәашәа инеиуаз амашьынақәа рцашьа. Иара
итормозқәагьы рацәак дреигәыӷуамызт. Аиашаз, даара ахыдара ҟаиҵеит абасҟак имашьына гәыгәҭажьны
иахьимаз, ихы дабашьуан уажәы-уажәы. Уи аныҟәашәа
иациҵомызт, аха наҟ-ааҟгьы ииаҟьоз амашьынақәа урылагылан, мыцхәгьы иузагырхомызт.
Ажәытә ӡлагара абанс иахьибаз ибла ихгылан. Ауаагьы акгьы усыс ирымам, аххаҳәа илаго ирызҭагылаз
рыӡлагара нкажьны иаԥырҵит. Анцәа иџьшьала, аӡиас
ыиаҩрны ицоит, жәытәнатә илыргаз аӡыхкыра ӡы агмызт, иара аҭыԥгьы убас иманшәалан, шеишықәсеи иаламкьысыргьы иачҳауан. Урҭ зегьы рыхәламшәа аҟарма
ҭиаахьеит, уаҳагьы ҟармаҵыск абжьы раҳауа иҟам. Иаргьы уи азы аӡәы итәы иҳәо дыҟоума. Аруль иаларԥсны иикыз инапқәа руакы аақәхны ихәда иныҵишь-ааҵишьит.
Арҭқәа зынӡа исхашҭхьеит ҳәа дыҟан, иахьа даа
дәықәлазар иҿыцҳаҳараӡа ианаацәырҵ, игәы ҵкапуа
иалагеит. Ихы дазгәаар, лара длызгәаар, адунеи дазгәаар
иҭахын…
Иаалырҟьан игәалашәеит ашьыжь изынарҭиз
ачаҳарыжәқәа. Акы аҟарагь агьама ибеит. Уи зегьы рзы
иҟарҵо акәын. Аҽазны еиԥшымкәа иҵаан аказен шәы
иалаз. Иара излаз амажәагь ҽеимызт, цқьагьы ижәымызт.
Наҟ иҿы иҭыхны икаижьит. Уажәы ианигәалашәа игәы
ааӡыҩӡыҩт. Уажәшьҭарнахыс урҭ ихаԥыц рықәиргылан
иҟалом… Иара ихароуп, зегьы иара ихароуп.
Иара дахьаҿанхо имаҷҩымкәа ажәқәа змоу ыҟоуп,
ахшгьы, ахырҵәгьы, ашәаӡагьы рхала изнаргоит.
Уажәраанӡагьы дышԥазымхәыци.
Акыр днаскьахьан, шьыжьы шьыбжьон ҳәа еилых змамыз иахьатәи анаҟә еилыҩрыхуа иалагеит.
Акыр ихышәҭхьаз амрагь уи «амгәацәа» иаалыԥхеит.
Иаԥхьатәи асаркьагьы иаадыҷҷалт. Аха зныказ уи усҟак
амч амамызт, акгьы иԥырхагамхеит.
Убри изацлеит иаԥысны иаԥхьа игылаз аидарашьҭых
га машьына. Амҩа аҭыфаарақәа, аҭаҟәаҭаҿарақәа усыс
иҟамҵакәа иахьцоз иҭагәҭасуан, ишьҭыԥон, ашьҭыбжьгьы
цәгьан. Иара ҭацәын. Уажәы ирацәаҩхеит ус ламырбиа
аруль зку, амҩагьы, амҩа ианугьы усыс измаӡам. Аибашьра еилгазари уажәи рыбжьара зегьреиҳа аԥсыҭбарақәа
ахьыҟало амҩаҿтәи ахҭысқәа рҿы ауп. Хыла иара, амилициа рганахьала амҩа ахылаԥшра иаҵанакуа маҵу
рақәакгьы ныҟәигахьан. Зегьынџьара ишыҟаиҵалоз
аиԥш, абрагь амыцхә ранаижьуан. Аҭакԥхықәра ахада
раҿыҵәҟьа иҟоу имазааит ҳәа.
Зхы иақәгәыӷуаз амашьына ласқәа иаргьы иаҩсуан,
иԥыраҳаз аидарашьҭыхгагьы. Арахь анаҟә иҵегь ианеимп, амра убас икылԥхеит, зны-зынла имашьына асаркьа иалԥхан ибла ихыҷҷалон, ихнакуан. Дара
амашьынақәагьы еиҳа-еиҳа ирыцлон. Мҩас иҟоу зегьы еиҵапапа иҭәуп. Аибашьра анеилга ашьҭахь, дук-
гьы мырҵыкәа, аагарҭа дук аныҟамызгьы, амашьынақәа
иаразнак ирацәахеит. Еиҳараӡак «Џьипқәан». «Арахь
егьараан иубаргьы иҵәыуоит, – игәынамӡарақәа зхигара диздырамызт. – Аҳәынҭқарра ҳәа изҿу (уи макьана
аҷапан хымшәац) руалқәа зегьы ақәушәа». Дызҿызгьы
зегьы ракәын. «Зегьы ракәзар, иара уахь даҵанамкӡо?..»
«Сара сыда егьырҭ «зегьаа» роуп…» – дахыхәмаршәа
иуит гәаныла.
Иабеиԥырахеи абри амашьына ҟәарҽаргьы. Иана
кәызаалак зегьы иаҩижьуан, зегьы дара роуп, хара
изцаӡом, срыхьӡоит ҳәа. Уажәыҵәҟьа абри амашьына
цәарӡга имҩа акит. Ирласны иҩны дзынаӡар иҭахын, уа
иҿыцу, зегьы рҭак ҟазҵо акы изыԥшушәа.
Имашьына дақәгәыӷуазҭгьы игәаӷьрын, аха уи еиҳа
ианаҭаху иқәнакыр алшоит. Иара анаҟәгьы аныҟәара
иаҟәымҵит, уажәы-уажәы иааимҟьаны, ихышәҭхьоу,
иҿыҟаԥшьааӡа иҟалахьоу амра убас иааиҿанарҷҷалоит,
иблақәа изхымтуа.
Амҩаду иҵегь аҽанариаша, амашьынақәа идырласит.
Аидарашьҭыхгеи иареи иаарыбжьагылазгьы бжьыҵит,
иаԥысны ицеит. Аҵыхәтәан иаргьы иӡбеит даԥысырц,
игәы ԥнаҵәаӡеит. Насгьы иара, аидарашьҭыхга иақә
тәоу, зынӡа ииаӡаахьоу аӡәы иакәымзар, амҩа ииҭап,
дирманшәалап. Асигналгьы дақәыӷәӷәан, армарахь
иҽнаҭан, имашьына ахы уа инавигахьан, ишьҭахьгьы,
иварахьгьы асигналқәа неиԥхыҳәҳәеит. Иара агаз
дақәыӷәӷәеит, аидарашьҭыхга даԥысны имҩа ааникыларц. Имашьынагьы иххәыцит.
Убасҟан анаҟә ԥыжәжәахақәа еиҭааимҟьан, раԥхьа
иибоз амца иҽҳәаҵаны идыршызшәа иҟаз амра
ауп, аха нас асаркьа иалсны убас иҿаҷҷеит, ибла
аахнакӡеит. Убасҟан ишьҭахьала ист, нас иварахь ала.
Убри ашьҭыбжь бааԥсы убасҟак хҩаа-ҵҩаа амамызт,
ахыҭҟьара аҟара иласыз, еиҭаҳәашьа змамыз ахьаагьы
— зегьы налаӡ ицеит.
19.10.2014
АӠЫЖЬ
Урҭ еилыркааит уи даазқәылаз есуажәааны, хәыл
ԥазыла аҽыкәабара дшалагаз. Ара, еснагь ҽынла иҽа
хьикәабоз аӡыжь ду аҿы. Урҭ, Гәыӡба уажәы абрахь
даазышьҭыз.
Хәылԥазын. Аӡыԥшаҳәа ашәшьы аҽықәнаршәхьан.
Аиҩхаа зырҭәуаз абжьы иалсны, ашәах ахьшы иаауан аӡиас. Уи иагьдуцәамызт, иагьхәыҷцәамызт, аха аҽы
зырӡсоз, хӡаарҟәрыла ҟаҵаны зыҵантә ахаҳә аҩагара
уадаҩыз аӡыжьқәа аман. Урҭ зегьы ари аӡыжь реиҳан,
насгьы, нырцәаагьы аарцәаагьы иахьырзеиҟараз иҟан.
Аӡыжьахь дымнаскьацәакәа ааигәа даагылт Гәыӡба.
Ихарацәамкәа икылатәан изыԥшызгьы дырбарҭан, ибжьы иргаргьы ираҳартә, ҽыкәабара иааиуазгьы иаразнак дгәеиҭартә.
Аԥшаҳәаҿы ашоура тәахьан. Иахмырҟьацәакәа
аҭәҳәеиԥш иасуаз аԥшаӷьы, зымахәқәа аӡы ихысло аԥаҩ иахачы иҟаз алҿар шьҭиаақәа рыбӷьқәа еиҳа
илашаз рышҵақәа рыла иаанарԥшуан. Гәыӡба дызлагылаз ахаҳәра уажәшьҭа ицамызт, аха макьана
иԥхаҵәыԥхаҵәуа иҟан. Уажәааны, дара ахәыҷқәа рахьтә,
ҽыкәабара акәым, аҽаказгьы арахь аӡәгьы дықәломызт.
Ииашоуп, ари, иахьахәлаанӡа иӡыфан изҭаз аӡыжь
ӡызлан дамоуп ҳәа рмаҳацызт аха. Уи ӡыжьс иҟоу зегьы
дрымаӡам. Аҳаԥқәа змоу, аҽыҵәахырҭақәа, ианылҭахха,
дхалан дахьықәиашаз аҟара аӡы иалыҳәҳәо ахаҳә дуқәа
зҭажьу, ауаҩ илаԥш дахьацәыхьчоу, иахьлызҭынчроу
аҭыԥқәа алхны илымоуп.
Зегьы дара роуп, амшын ҩахыс иҟоу аӡқәа зегьы
драҳкәажәуп, дырхылаԥшуп ҳәа акәын ишырдыруаз.
Ари, амҩаду иаԥну, еиҳа ауаа ирҿархасырҭоу аӡыжь
ду, тәарҭас илымамзаргьы, дахылаԥшуеит. Убри аҟнытә,
хәылԥазыҵәҟьа ара аҟазаара иара иқәлацәа рахь аӡәгьы
иҭаххомызт. Ишәон. Иара убри ашәара мыжда еицәаз
гьы чмазара издыруамызт Гәыӡба. Зыгагаҵәҟьа иацәшәо,
иара ида дгылаҩ дызмамыз Кәҷыта итәы аҽакуп, аха уи
аныхеиԥш зегьы ирхаран. Акры збахьоу, акры зхыҵуагьы
ирӡаӡом уи ус шакәу. «Имшәо агаӡа иоуп» рҳәалоит, аха
уи хыхгагоуп ҳәа иԥхьаӡон Гәыӡба.
Уажәыҵәҟьа абжьааԥны изыцәшәақәоз акгьы игәала
шәомызт. Еиҳа дзыцәшәашаз изыԥшын. Уи ашәара
ҳәаҵәҟьагьы изахьӡҵомызт. Уа еилаз рацәан. Дара, уи
еиԥш адҵа изҭаз, уаҳа царҭа имаӡам, дыкҿаҳцалеит ҳәа
иҟан.
Урҭ, ари еиԥш адҵа изҭаҵәҟьаз, аӡәы иакәын, аха
уи иҿы иҭаԥшуазгьы ԥыҭҩык ицын. Уи, Ага, аибашьыга
ӷбақәа рбаӷәаза иақәкны анемсаа рҳаирпланқәа аҳарҭ
еиԥш иларышьҭуаз абомбақәа ирцәыбналан, арахь,
аҿаҩа қыҭахь иааны, зҭахцәа рҿы иҟаз, Лаԥшь ҳәа
ахьӡшьара змаз амбжьах иакәын. Иааицрымшәаӡакәа
ицыз, уи ара даанӡа аратәи амбжьахқәа зыцныҟәоз
Шьадеи, аусураҿы зыбӷа ԥҵәаз, Гьылдыз ҳәа изышьҭази,
насгьы инкылан ирымаз, зеихада иахҟьашоз, иара
Гәыӡба ида дгылаҩ дызмамыз Кәҷытеи. (Аибашьра ду
асакьаҳәымҭаҵәҟьа акәын.)
Кәҷыта ида егьырҭ зегьы аҽа шықәсык, ҩышықәса
рыла арра иргашаз ракәын. Лаԥшь изы ирмаӡан ирҳәон,
аррацара иаамҭа ааихьеит, аха дахырԥо дааргоит, арахь
дзаарышьҭызгьы, уа дыздыруа рыбла дхымгыларц азы
ауп ҳәа. Лаԥшь иаб араионтә еиҳабыра дрыԥшьын.
Аратәи ақыҭа аиҳабырагьы аҷкәын ихылаԥшуан. Иара,
уи ихы иархәаны, иааҭашәаз ҟаиҵон.
Гәыӡба урҭ дыхҭакны дызрымаз зегьы дахьреиҵбыз
азы мацарагьы акәӡам. Дымшәар ахьиҭахыз, иахьынӡа
илшоз ихы ахьрыҵеимҵоз азы арахь иҿырхуан.
«Иара ҿаҵак дыҟам, дуфаргьы акгьы духәом, иԥсы
ҭаз...», – иҳәалон Лаԥшь, аха акгьы ианаижьуамызт.
Иахьырхәышьақәагьы иԥшаауан. Уажәык даҿеикит, иди
ҵоз ҟаимҵар ида дгылаҩ дызмам, зеихада иахҟьашо
Кәҷыта иԥсы иҭаҟьышәугьы ихихуеит. Иаргьы дивсуам.
Гәыӡба уажәы дахьгылоу дара аарцә ҳәа иашьҭоуп.
Уажәы дыззыԥшу дахьынтәаауа – нырцә ҳәа. Абас, аӡиас
нырцәааи аарцәааи ҳәа иашоит. Зегьы еиҳа еиӷьаршьон
аарцә. Ҳара аарцәаа ҳауп рҳәон арҭ, егьырҭгьы убасҵә
ҟьа рҳәон. Аиашаҵәҟьа ӡбашьа амоуӡакәа ус инханы
иҟан. Еснагь нырцәааи аарцәааи ҳәа рҽыршон ахәыҷқәа,
ахаҳә еигәыдырҵон, еислон, еибапҟалон.
Зны-зынлагьы еизааибагон. Аиндаҭларақәа рахь ииаргон. Зны нырцәаа рдәаҿы, аҽазных аарцәаа рдәаҿы
аицлабрақәа мҩаԥыргон: ампыл асра, аиқәԥара, аиԥх
ныҩлара, аркьыл асра. Зегьы дара роуп, арҭ аицлабрақәа
раан иаҵахази иаиааизи аисрахь ианнанагоз ыҟан.
Ус зны, ӡхыҵра бааԥсык ашьҭахь, абра абри аӡыжь ду
анаанахәа, зегьы ааны ара рҽыркәабо ианалага, хәыҷыхәыҷла акыр еиннаршәеит.
Ииашоуп, урҭ реимакқәа, реиҽԥныҳәарақәа зегьы уи
иазымӡбеит, зны-зынла еиҭахәыҵҟьалон, аха аӡыжь ҳара
еиҳа иаҳтәуп ҳәа аӡәгьы изҳәомызт.
Гәыӡба уажәы дыззыԥшу, урҭқәа зынӡа усс имаӡа
мызт. Уи аҵыхәала акы еимаркыр, ма еисыр, еиҟәикуан.
Иахдырҟьаргьы ицәшәон. Аӡәыр дымшәозар абри
иоуп ҳәа агәра ганы дыҟан ашәара абасҟак игәнызгоз
Гәыӡбагьы. Насгьы, ара данааилак, уи аха имаӡамызт,
дыццакуан, дахьӡаны ихы-иԥсы аҭан иҽикәабон, дыӡсон.
Нырцәгьы ыҟамызт, аарцәгьы, аӡыжьгьы шеибгаз иара
итәын. Аӡәгьы дахибаауамызт. Уи абас даныӡсоз ахәыҷ
қәа бзиа ирбон. Имахәҿа ӷәӷәақәа рыла аӡы еимырҽҽо,
уажәы-уажәы дҭыԥан цыгәхыршәҭ ҟаиҵон. Аӡыжьгьы
ашәах ахьшы иҟалон. Акыр иҽаниҟьалак, иҽанирххалак,
аӡыжь ахахьы ддәықәлон. Аханӡа аӡы аӷьны иааиуан, аха
ԥыҭк арахь ианыласкьалак, иҭбааҭыцәӡа игазго иҭажьыз
аӡыжь иаҳәынҷон.
Аӷьыраҵәҟьаҿ данынаӡалак, дамышьҭырц иалагон,
аха иаргьы иуҵәҟьомызт, даиааиуан. Нас, али-ԥси рыбжьара дааҳәны, игәышҵа ажәҩанахь ирхон, иара аӷьыра
иҽеиҭахуан.
Ашьҭахь аӡы зыҽҭазыԥсоз ахәыҷқәа ԥыҭрак даары
лахәмаруан. Даргьы идеибаҳәалон, рыбжьқәа духон. Аха
иара еснагь дыццакуан, дцар акәын. Аусура. Ахаҵанап
зегьынџьара иаҭахын. Иара хаҵа наӡак иҟаиҵоз ҟаиҵон.
Дара ахацәагьы абаҟаз, аҭаҳмадцәа роуп инхаз.
Иаразнак дааҭыҵын, ихьыкәкәоз аӡы инапсыргәы
ҵақәа рыла иаамыӡәӡәашәа, иаразнак иҽеилеиҳәон.
Дцарц иҿы наҟ ианирҳәлак, иарӷьа напы ҩеихырҳәҳәан
иҟьон.
Урҭ, ари аӡыжьахь ҽыкәабара иааиуаз амаҷҟар зегьы қәрала дреиҳабын. Уи адагьы, иара илан, игәышԥы
ҟьаҟьаӡа, ижәҩахырқәа ԥџаџа, ихахәы еиларша, иан
ҳәази ианҳәамзи реиҩдыраара уадаҩын. Ахҳәа алаломызт рҳәон.
Ихьӡгьы аҽаӡәы ихьӡны ирмаҳацызт, Гәрага ҳәа. Иара
дахьынхоз асынтәи уԥшны иубартә иҟан. Рыҩнызаҵә
ҟәашӡа ақәаҵа иалԥшуан. Рааигәа-сигәагьы аӡәгьы дынхомызт. Ианакәзаалакгьы аӡыԥшаҳәа нхарҭас иалырхуамызт, иҩаҳаракны иҟоу аҭыԥқәа ракәын. Гәрага дзааӡаз
лашьцәа нахьхьи ахәызқәаҿы инхон.
Гәрага дзааӡаз даныӡӷабыз дҽыбӷаҟазан. Лхаҭагьы
илыԥшнын, бзиа деиҿкаан, дхаҵамԥҳәысын рҳәоит.
Илышьҭазгьы рацәаҩызаарын, аха лара дмыццакуа
заарын. Аҽыбӷаҟазараҿы арԥарцәа ираԥылгон. Лара
дахьыҟаз аҽаӡәы аҭарчеи изгарц иҟамызт. Абас, еим
ҭахарак аҿы, лнапала илааӡаз, илыбжьаз, лбызшәа зды-
руаз аҽыццышә, иаалырҟьан, абжьарахыԥеиԥш иаапкны иаақәлеит. Иара каҳаанӡа аҽыбӷа лҽықәылкит, аха
иара убас икаҳаит, уаҳа изымгылаӡеит. Ларгьы азныказ
дҩаҵҟьеит, аха иаразнак дынхьышьшьит. Дыбжахеит.
(Изларҳәоз ала, лҽы аӡәы аҩынтәыршыра аҿеиҭәеит,
имаҷымкәангьы. Шьоукы илыҵашьыцуаз рҳәеит, шьоукы
мап зцәылкыз рҳәеит. Уаҳа еилыргамкәа инхеит.)
Зашьцәа ирҿыҵуа аиашьа иоуп, аԥҳәызба лашьцәа
дырҿыҵуа збахьада, аха лара ус илҭаххеит. Шықәсык
ааҵхьан, зашьцәа ирҿыҵны аӡыԥшаҳәа инхоз, зыбжа
змыхәоз раҳәшьа лбарҵа уахык ҽуаҩык дааҵаххын,
ацәашьаршь еиԥш ашьаршьаф икәыршан, асаби дныҵаршәны аҵх дналапҟа дцеит. Ахәыҷы дыҷкәынан.
«Анцәа дысзылбааишьҭит!..» – лҳәеит лара дгәырӷьан.
Ахәыҷы еиликаауа даныҟала дышкашәарахыз иалҳәо
иалымҳәо аӡәгьы издырамызт. Лара, абас лыбжара
шлымнахызгьы, лхаҵамԥҳәысра иацымлозар иагым
хеит. Ианлааз аҽыбӷа дшазҟазаз аиԥшҵәҟьа дагьхысуан,
лхымҭагьы кашәомызт. (Лыҩны иҭҟьоз акы лзыҩнамкәа
иҟамлацызт.) Уи азы акәу, аҽаказы акәу, ианакәзаалак,
нырцәгьы аарцәгьы уи атәы аӡәгьы иԥсы иахимырзааит.
Иҭаҵәахны ирыман.
Зегьы уаҩҵас иҟан, Лаԥшь абрахь дықәнамгалар.
Рыҩны аамышьҭахь ахәыҷқәа зегьы еиҳа иахьырҿар
хасырҭаз аӡыжь аҿы акәын. Ахәыҷқәаҵәҟьа, аӡыжьгьы
маҟҿаҳәара иахьырзааиуанӡа иҭало рыда, егьырҭ зегьы аколнхараҿы аус руан, ачаи хырхуан. Шьыбжьонла
ирыцҳашьан ҽыкәабара ирышьҭуан. Уа ианынхацәалоз
ыҟан, аха инарабашьқәаргьы, убрыгь ранарыжьуан. Шамахамзар урҭ рабацәа, рашьцәа еиҳабацәа зегьы аибашьра иҟан. Ранацәа, излырхуазгьы анрымази ианрымамзи еиҟаран, аха, рхәыҷқәа рхәы аҟаҵаха рымамызт,
ирыцҳазшьоз ишырҳәоз аиԥш, рԥынҵа ашьа кылҵәыруа
аус руан.
Ахәыҷқәа абра аӡыжьаҿ иахьеибабоз, рҽахьыркәа
боз, ргәы ннакылон. Ԥасеиԥш нырцәи аарцәи ҳәа аи
макқәа ирымаз ирҟәаҵхьан.
Лаԥшь ҽыкәабара арахь дааиуа даналага, иӡҭалага
ԥшӡа даҵаҽырбо, дтазӡа, дааӡа-дыхьча, агаҿаҿ иикыз
амра аԥшшәы мцацкәа, зыбаҩқәа арахь излыхьхьа,
зыфатә иагыз, зыжәтә иагыз, аратәи ахәыҷқәа дрылԥш
уан. Абри аӡыжь иара изыԥшызшәа, иара ида ара зегьы
мыцхәызшәа акәын дышҭалоз. Абҭынхак изеиԥшны.
Мчыбжьык ала, уи рыҽидырӷәӷәалан аагылт аҭыԥан
тәиқәа рахьтә ԥыҭҩык, ахәыҷқәа рыҩныҵҟа ианакә
заалакгьы цқьа игәрамгақәаз.
Ари аӡыжь аҿы зегь реиҳа иззыԥшыз Гәрага иакәын.
Уи ибон Лаԥшьгьы. Иагьизыхгомызт. Гәрага данааилак, дгьежьы-гьежьуа аӡыжь аарцәтәи аԥаҩ дықәхон.
Дгәамҵхамҵуан. Ахәыҷқәа рахьтә аӡәы ишьапы даҵа
шәаргьы, аӡыжьахь диршәуан. Мамзаргьы, аӡыжь ахахьы
иалагылаз, иара даанӡа ахәыҷқәа ықәиан рҽахьдырԥхоз
ахаҳә ҟьаҟьа ду иҽеимыртаӷа дахьықәиаз, ахагара
изаазшәа иааҭырҟьа-ҭырҟьан ҽхырчча ҟаиҵон.
Гәрагагьы еиликаауазар акәхарын, урҭқәа зегьы
зыхҟьоз иара шиакәыз, аха димбаӡошәа ҟаиҵон. Иҽши
кәабац иҽикәабон, игәарԥханы дыччон, ахәыҷқәа
рырхәмаррақәакгьы дрыхьӡон. Нас дыццакы-ццакуа
иҽааилаҳәан ддәықәлон. Иҿанынеихалак, изқәа наҟ ишхаз инапқәа неихырҳәҳәан иҟьон, бзиала ҳәа.
Ԥыҭрак ус иҟан, аха зегьы ԥшын иҟаларызеишь ҳәа.
Зны, Гәрага еснагь даадыххылан иҽаникәабалоз
Лаԥшьгьы дааит. Иара, имаҵуарцәа ивагьежьуа, иҽааи
лихын, иӡҭалага ԥшӡа даҵаҽырбо, днарылсын, ани аӡыжь
ахахьы иалыҳәҳәоз, аҽыбылразы иманшәалаз ахаҳә
ҟьаҟьа ду ахь иҿынеихеит. Уа рҽеиваԥса иқәыԥсан, аӡы
иахьҭахацәаз аҟнытә ахьҭа иакыз ахәыҷқәа. Лаԥшь уахь
днеиуашәа анырба, ахаҳә иқәиаз зегьы лбааибаҳәан,
аӡы рҽаҭан аӡыжь ахь ицеит. Лаԥшь дыҩхалан, игәышҵа
амрахь ирханы иҽеимыртаӷа днықәиеит.
Убри аамҭазы иара Гәрагагьы дааит. Ишыҟаиҵац аиԥш,
аҟәараҟынтәи дҩаԥан, аӡыжь агәҭаҵәҟьа дынӡааҵәрит.
Абжьааԥны аҵкысгьы акраамҭа ихы ҭирҳәҳәомызт. Уи
итәы шырдыруазгьы, аҟәара аԥхараҿы итәаз ахәыҷ
қәагьы ҩыҵеибаҳәеит. Лаԥшь ибӷа дҩыхтәалт.
Аҵыхәтәан, Гәрага даныҩхаҵәрыла, Лаԥшь зыҽид
кылан иҟаз рыда, егьырҭ ахәыҷқәа зегьы еибарҳәҳәан,
аӡы рҽынҭарыԥсеит. Иҷырҷыруа иааикәшеит. Урҭ ԥыҭ
рак еихәмаруан. Дара аӡы иқәырҭәошәа ҟарҵон,
иара аӡәаӡәала иҩышьҭыхны аӡахьы ирԥон. Нас дна
рылҵәраан, ԥыҭрак деиҭаӡсон. Аӡы данҭыҵгьы ахәыҷқәа
ҭибаҳәан, иара иааикәшеит.
Убри аамҭаз Лаԥшь ахаҳә дахьықәтәаз убас абжьы
рганы инапы аинҟьара далагеит, зегьы уахь инаԥшит.
– Уара, афраер... – ашәақь ширҟыҵымыҵуаз
еихатҟәацызшәа ибжьы ҩыҭирҟьеит уи. – Ара уааны
ҳӡыжь уҽҭажьны улымт уӡәӡәоит... Уагьаҳзымҵаакәа...
уара иуқәу аџ ӡы иазыӡәӡәаӡом, ус ҳӡы уҟьашьуеит
акәымзар, уара акашәарах!..
Ахәыҷқәа ӡыҩ-ӡыҩӡа инхеит. Иҭынчрахеит, аӡиасгьы
аӡыжь ахәлачны инхазшәа иаагылеит.
– Арҭ агәыцәҟырқәа ирдыруоу уара ушкашәараху?!
– Уи ибжьы еиҳа-еиҳа иҭицон, дшицәымӷу, дышхәын
геишьо, дшатәеимбо – зегьы алаӡҩан.
Иара Лаԥшь идызцәылоз, иааигәара иҟазгьы шьҭахь
ла-шьҭахьла иаанаскьеит. Аӡиас абжьгьы аӡыжь илбаанадеит.
...Ақыҭаҿы, нырцәгьы аарцәгьы ирдыруан Гәрага
дзааӡаз дшықәхьаз, лыҷкәын абри иаҽԥнызҳәаз, шәыԥсык ихазаргьы, акы шизнылмыжьуа. Уи алаба лҽанҵаны
дныҟәон, аха лажәа деижьомызт. Иагьлыцәшәон. Ииа
шангьы, игәаӷьны аӡәы иҿы иааҭыхны иҳәеит ҳәа
рмаҳацызт. Иара Гәрага, дшыҩеидасыз еиԥш, дызлаз
рҿы ҳаҭыр иқәын, еиҳаракгьы уажәы, иусушьазы.
Гәрага илаԥш Лаԥшь дыҵакны дшикыз, аԥанахь днаскьеит. Лаԥшьгьы, ахаҳә дылбаан, аҟәарахьы дааихьан.
Дырҩегьых акы иҳәарц иҽазикуан, аха дахьымӡеит.
Гәрага ахыҭҟьареиԥш аӡы дҩырҟьан, али-ԥси рыбжьара
уа дыҟан. Излардыруаз ала, Лаԥшь иара ақалақь аҿгьы
ихәы ҭаижьуам, деисҩуп, агәаҵәа изҭоуп ҳәа дрыԥхьаӡон
иқәлацәа рыбжьара. Қәралагьы Гәрагеи иареи рацәак
еиҩыргомызт. Аха ара акааизмырҽеит. Уи, аӡыжь аҟынӡа
даннеига, даашьҭыхӡан аӡы даниҟьеит. Нас, ихы ҩҭирҳәҳәацыԥхьаӡа деиҭаӡааирҟәрыло иҿааихеит. Убас мацара аӡыжь дакәиршеит. Уаҳа ихы дзамыхәаҵәҟьо
аарцә аԥслымӡ днылаижьт, «шәыԥсы шәара дшәымаз»
иҳәарашәа...
Лаԥшь иқәнамгоз акы ыҟамызт, аха ариҵәҟьа
иахиҳәаара издырамызт Гәыӡба.
Лаԥшь ас анихь, ҩымшҟа дцәырымҵӡеит. Ҩымш ры
шьҭахь дцәырҵит, акгьы ҟамлаӡазшәа. Иара Гәрагагьы,
аҽыкәабаразы ҽынла иҽаабжьаршәны арахь аара да
ҟәыҵын, ахәылԥаз ахь ииаигеит. Лаԥшь имаҵуарцәагьы
иаргьы ус рыларҵеит, дшәаны ауп ас зыҟаиҵа ҳәа. Аха
Гәыӡба идыруан, иҟалақәаз рыдагьы, Гәрага иҟаҵатәқәа
рацәаӡахеит, аха имаҵәҟьамызт.
– Иаргьы силгоит абра исԥырхагахаз, исыдымгылазгьы аӡәгьы сшәеигӡом... – иҳәеит Лаԥшь. – Уажәазы ихы
ицәымыӷхан арахь дықәымло дҟаҳҵап, настәи са снапы
ианышәҵа.
Раԥхьа ахы зкуа ҳәа Гәыӡба далихит. Зназы абзиара ииргеит, агәы умоуп, ушәом, иуҳәогьы удыруеит ҳәа.
Аха ианыҟаимҵа дызҭаирԥшышагьы иаахтны иеиҳәеит.
Ус иагьшыҟаиҵоз агәра игон Гәыӡба, избанзар иаргьы,
иара идымгылозаргьы, Лаԥшь иахь иҟамызгьы ицәшәон,
дагьриааиуан.
Гәрага дшааиз еиԥш Гәыӡба иҿы ҭыӡәӡәааны диа
цәажәарц, ари аӡыжьаҿ иҽикәабар шырҭахым, аџ шиқәу,
ишиҟьашьуа, аӡыжь лахыс, илымт арахь аӡы иахьазаамго
џьара алихырц. Насгьы, дышкашәараху зегьы ишырдыруа уҳәа иҿы иааҭашәалак.
Лаԥшь убас дыкҿеицалт, раԥхьа Кәҷыта иԥсы мцо
имаауа дшыҟаиҵо, нас иара дышилаго атәы иеиҳәеит.
Иҿаԥшылара убас иҟан, илшо дыҟазар, иара убра
ихәламшәы ԥиҵәарын. Аха изылшо дабаҟаз. Убри ачымазара бааԥсы, ашәара, иҿы акит, дзиҿамԥеит. Уи иаа
нагоз диқәшаҳаҭхеит акәын.
Уажәы дааины ара дгылоуп Гәрага дизыԥшны.
Убригьы Лаԥшьгьы абра иҟамзар ҭынчрахон ҳәа
иҽиргәаауан дахьгылаз. Зегьы дара роуп, ихы
дацәыԥхашьон, абна ицәыҵатәан изыԥшыз ирҭахыз
ахьидырҟаҵоз. Убасҟак ихы ицәымӷын, урҭ ракәым,
уажәы дыззыԥшызгьы дицәымыӷхар иҭахын.
Убри дыззыԥшызгьы рацәак дмырԥшыкәа дааит. Ма
иахьак ибжьаижьыр, дгәамҵуан Гәыӡба, даҿҳәарахааит
абри аҽыкәабара, уеизгьы-уеизгьы абри аӡыжь иҽын
ҭимшьыр амуа иҟоума, ихәшәхама абри. Гәрагагьы аҟәа
рахьы дааиуан, иҽазирхиар акәын, аха абыржәы игәы
иаанагаз дақәшәеит. Иара Гәыӡба ихаҭа илшарызу абри
аӡыжь аҿ мызкы дмааикәа. Зынӡа мап изацәкуазҭгьы,
анҭ ицәыҵатәан иԥшуазгьы, иара дыззыԥшызгьы аӡәгьы
усс иоуӡомызт. Днарԥырҵӡан дцон, аха аӡыжь уажәазы
ара еизоз зегьы ирыԥсҭазаарахеит.
Абжьааԥнеиԥш акәымкәа, Гәрага ашьшьыҳәа аҟәа
ра даақәгылан дааԥшит. Нас имаҭәақәа ааишәихын,
наҟ ишьҭахь инышьҭеиҵеит. Абасҟак аџьабаа шибозгьы, инахырҟьан амра иашәхьаз ицәеижьы еилаҟаца,
ахьӡы акәдыршазшәа иҟан. Иара иқәлацәаз макьана
ахәыҷқәа рахь иԥхьаӡан, иссан. Дара ахәыҷқәагьы, дара
зегьы амаӡашыӡ еиԥш рцәа иалаз ашәара издырам ҳәа
ирыԥхьаӡон.
Гәыӡба абарҭ зегьы еилеигароуп уажәы. Аамҭа ицәцоит, арахь изыгәаӷьуам.
Аӡы данҭалозгьы изгәамҭаӡеит. Данааԥш димбаӡеит.
Абжьааԥнеиԥш акраамҭа ихы ҭимырҳәҳәеит уи. Ихы
аныҩҭирҳәҳәа, ишыҟаиҵалоз еиԥш, аӷьырахь дымцакәа,
ишьапы дықәгылартә иахьыҟазынӡа данлеи, даагылт.
Абыржәы еиӷьым ҳәа иҭыԥсааны ицоз игәы иаанагеит
Гәыӡба.
– Гәра-га-га! – аҽхыцәгьа иақәтәоу иаӷәра шимнах
уеиԥш, ишынҭыҩыз еиԥш ибжьы имнахит. – Иуаҳауама
исҳәо?! Уара уҩыза, уара иуеиӷьу нырцәгьы аарцәгьы
дыҟаӡам. Ухьӡгьы бзиоуп уаргьы! Зегь реиҳагьы уӷәӷәоуп, зегьы иреиӷьынгьы уӡсоит. Ҳара, уеиҵбацәа зегьы бзиа уаабоит. Абра уаабандаз ҳәа ауп ҳзаауагьы.
Убзиоуп, убзиоуп, убзиоуп!!!
Ииҳәаша аниҳәа, иҿы ус иаартны ишыҟаз инхеит.
Иҩныҵҟантә уи нызкылоз, имызхыз амч анынаскьа, ихы
ҭууа, ихлахаҵ убас игьежьит, дахьгылаз днеизҟәыҿит.
Иблақәа ҭызблаауаз илаӷырӡқәа дрылԥшны Гәрага
аӡаҵантә дибошәа акәын ишыҟаз.
Нырцәи аарцәи ҳәа реимакқәа, реидысларақәа раан,
наҟ-ааҟ аԥаҩқәа ирықәгылан еибырҳәоз ҿҭыӡәӡәаала
цәажәаран. Изықәкны ирҳәоз еиҳа рхы рцәымӷызтәыша,
ахаҳә еиԥш ргәы икыдсылашаз ракәын. Урҭ реиԥш
ажәеицааирақәа аиҳабацәа зынӡа ирыздырӡомызт...
Уажәы ииҳәаз ажәақәа рҩыза дырзыҟамызт... Ус, иҿы
аркышьа дақәымшәакәа Гәрага иахь дыԥшуан.
Гәрага ашьшьыҳәа, аӡы дырны дааин, Гәыӡба дааихан, дҩаиргылт. Гәыӡбагьы аӡы зхьыкәкәа иҟаз уи
ивара иҽнадиҵеит. Иҩныҵҟа ҭрыхьҭышьаауан, сса-сса
деиҵасуан. Гәрага инапы ааикәыршан, ивара днад
ирӷәӷәалт.
– Умшәан! – иҳәеит уи, дааԥышәырччан. – Аҳаҳаи, акы
уацәымшәан!
Уи ибжьы бзиан. Иҟалап ашәа бзиан иҳәозаргьы.
Уажәы амхқәа рҿы ашәа рҳәаӡом. Дара иҽыкәабашьа
ада акгьы рыздырӡомызт. Ирҳәон, дзааӡазгьы аҽырхә
маррақәа раан «Азар» ахкы зҳәоз еснагь лара лакәын
ҳәа.
– Умшәан, ианакәызаалак умшәан... Урҭ ӷәӷәоушәа
иубоит, аха мчы рымаӡам... умшәан...
Аԥшаҳәаҿы аԥшахьы иацнаҵеит. Гәыӡба ихы даа
ҩахан, Гәрага дҩеиҿаԥшит. Уи уажәы џьара дыҟан, аҩада аӡиас злаауаз ахь акы илаԥш адхалан дыԥшуан.
Гәыӡбагьы уахь днаԥшит, иагьџьеишьеит уи уажәада
иахьгәеимҭацыз: нахьхьиӡа, аимакыраҿ аӡиас умбо
иахьыҟалоз иҩахыкны уԥшыр, хараӡантә иааԥшуан ашьха ҳаракқәа. Иҟалап урҭ ршьапаҿы акәзар ари аӡиас
ахьыҵыҵуагьы. Урҭ ақалмышь иҭыршьызшәа аԥсымра
рхьыршан.
Дышихәаԥшуаз аниба, ҿымҭ дааԥышәырччеит.
Гәрага адырҩаҽныҵәҟьа арра ддәықәырҵеит. Егьырҭ, усҟан уа ицәыҵатәан иԥшуаз, уаҳагьы имԥан
иқәымлеит. Кәҷыта рыцҳагьы иламкьысӡеит. Мызкы
аҩныҵҟа Лаԥшьгьы агаҟа дзыԥсыз дыргеит. Еибашьра ддәықәрымҵарц азы, Тҟәарчалтәи афымцастанциа
ахьчараҿы дрыдыркылт. Уи арра уҟаз иаҩызан.
Хәыҷы-хәыҷла аӡыжьахь ҽыкәабара иаауазгьы маҷыҩхеит. Ҩымз раҟара ааҵхьан, ақыҭа аусҳәарҭаҿы
ашәҟәы ааит. Уа, Гәрага арра дахьыҟаз (амшын флот аҿы),
иеиҳабацәа дзааӡази дызлыҵыз иуаажәлари ҭабуп ҳәа
рарҳәон, абри иеиԥш аҵеи, афырхаҵа дахьырааӡаз азы.
Иара, ԥшыхәра дахьцаз, быжьҩык аӷацәа рматросцәа
тҟәаны иааигазаап.
Уинахыс Гәрага ихабар уаҳа иҟамлаӡеит, дыбжьаӡит.
Шықәсык ааҵуаны, дзааӡазгьы дыԥсит. Лхабар анырымба, ианнеи, дыԥсны, лҽеиқәкны ацәарҭаӷәы ды
қәын. Уи лыҷкәын дышҭахаҵәҟьаз лдырт, уаҳагьы аду-
неи иқәысхуазеи лҳәан, иара дишьҭалт. Уахь акрыҟазар
дылмыԥшааргьы луӡом рҳәеит.
...Иахьа уажәраанӡагьы, амш аныбзиоу, ахәылԥаз
Гәыӡба ашьхақәа рахь дыԥшлоит: уа, ақалмышь
иӡааршьызшәа, ашьхақәа аԥсымра рхьыршоуп. Амра
ангыло аԥсҭазаара ашәаԥшь иацгылоит, ианҭашәогьы –
аԥсы ашәаԥшь иацҭашәоит.
27. 08. 2013
АХӘМАРРА
Ахәыҷқәа еиҟара-еиҟаран. Аиҳабы аиҵбы ыҟазаргьы,
рацәак еиҩыргомызт. Ишааибабаз еиԥш аицыхәмарра
иалагеит. Уиаҟара акы иазҳәомызт игәхьааибаган ишы
ҟаз. Аицыхәмарра аан угәы ҟазҵо рацәоуп, ҵҩа рыма
ӡам. Ирмыхәмарыз иарбану: «Џьит», «Чабракаршә»,
«Ҭацаагара», «Аиԥхныҩлара». Зегьы ирыхьӡар рҭахын.
Урҭ еигәылацәан, аха ранацәеи рабацәеи ааибуамызт,
еиҭанеиааиуамызт. Рыбжьара аҳәаа арбаны ирыман. Уи
иахысыр ҟаломызт – асынтәгьы, наҟынтәгьы. Хәыҷгьыдугьы. Иахысыз иӷәӷәаны иқәшәар ҟалон, иара итәқәа
рҟынтәгьы, егьырҭ рҟынтәгьы. Ахәыҷқәа уи хара-хара
иавсуан.
Уи аҽны аҩыџьарагьы ранацәеи рабацәеи рыҟам
заара иақәшәеит. Ахәыҷқәа иаразнак еигәныҩт. Еиҳа
зашҭа ҭбааз алырхит. Ахәмарра иханагалан, ранацәеи
рабацәеи шхынҳәышазгьы рхашҭит. Рызхараҵәҟьа
изымыхәмарыцкәа, зашҭаҿы ихәмаруаз хынҳәит. Раԥ
хьа игәарҭеит Гәыӡба иаҳәшьцәа. Урҭ иара иаҵкыс
еиҳабацәан, еснагь ргәырҽанын. Гәыӡба идыруан ргәы
каршәыҵәҟьангьы ишзымыхәмаруаз.
Ргәылацәа хәыҷқәа ран лакәын зегьы еиҳа изыцә
шәоз, лара лтәқәагьы, даргьы. Уи агәашә дҭамлацкәа
иҟаз лбеит. Амцабз зылҟьошәа иҟаԥшьыз лхахәы
еиқәаҵәахазшәа ибеит, убас деилашәеит. Гәыӡба
дшәаҟьаны, ашҭа иҭагылаз амжәаҵла ашьапы шәпа
аҭаҩаҿара иҽыбжьарӷәӷәаны дахьгылаз дынхеит. Дыҩ
ны ддәықәлар, дихьӡаны дылкыр ҳәа дшәон. Уи алашьамх лырҵысуан. Зны убас дихьӡахьан, илкыз аҷын
тар ала дахьисқәаз уажәыгь амца ахҟьо иҟазшәа
ибон. Иаҳәшьцәа иара иеиҳабацәан, уажәшьҭа илыцә
цахьазаарын, аха иара дахьырымбо акәхап инызкыло.
Ихьӡ ҳәаны ҿырҭыр, дгәалҭар ҳәа ишәозар акәхарын.
Ашҭа аҭыҵрагьы ус имариамызт. Агәашә аганахь
лара дыҟан, ашҭа иакәыршаз агәара ҳаракын, насгьы,
амасарқәа рыхқәа ҵәрыԥсан. Дара ирызгәаҭомызт,
ауаа рыҽреиԥштәны иҟоуп акәымзар, арҭ џьнышҭразар
ҟаларын. Иаҳақәахьаз алакәқәа рҿеиԥш, абарҭ ама
сарқәагьы, дара, иаҳәшьцәеи иареи, рхыбаҩқәа рзы
ирхиазар ҟалап ҳәа игәы иаанагеит Гәыӡба. Зҭаҩаҿара
дҭагылаз амжәаҵла ашьапы зынӡа даласазар иҭаххеит.
Абас игәы иаанаган, уажәраанӡа ирыцхәмаруаз
ахәыҷқәа рахь дыԥшит. Урҭ еиваҟыҟы еидгылан иара
дхырҩон.
Зыԥсгатәы зманы ицарц иашьҭаз иаҳәшьцәа ашҭа
иҭалыргьежьуан, хаҳәмҿыхә иҟоу зегьы ргәыдҵо,
иаалҿашәозгьы лҳәон рани раби рзы, еиҳарак ран
лзы. Аҵыхәтәан, Гәыӡба иаҳәшьцәа, ирулак агәашәахь
рҽарҭан ицеит. Лара дыцәҳашҳауа даахьаҳәын, уаҳа
даанымгылаӡакәа арахь лҿаалхеит. Лара лтәқәагьы
ишәаӡыӡо иааидыӷәӷәалт. Урҭгьы анылымшаҭозгьы ыҟан.
– Шәара ишәзыҵәахуп уи... – лҳәеит лара данаары
вала. – Ус ишәанасыжьуа џьышәымшьан.
Дышгәаац дгәаан акәын ишылҳәоз, дхьаԥссан дыҟа
ӡамызт, аха асҟак дахьыҩуаз дааԥсеит. Уажәы раха лы-
мамызт. Ахәыҷқәа раб, иаргьы иқәшәарҳәа дшәошәа,
хара-хара длышьҭалан дахьааиуаз ахәыҷқәа данаарывала, днаралацәҟәыст, иҳахнагазар ҟалап ҳәа аанаго. Ахәыҷқәагьы рыԥсы аарган, инеилыҵ-ааилыҵқәеит.
Гәыӡбагьы, сара срыцҳалшьазар акәхап, сахьреиҵбу
азыҳәа ҳәа игәы иаанаган, иԥсы ааҭалт.
Амжәа шәпа ашьапы даадҵын, ахәыҷқәа рахь
иҿынеихеит. Урҭгьы, ирура рзымдыруа, дрымбаӡозшәа
ҟарҵон.
Ран, зегьы драԥыҟьан, аҩныҟа лҿыналхахьан, Гәыӡба
ишибоз, лызқәа ааҭрысын, даагылт, иаразнакгьы дхьаԥшт.
Дагьылбеит. Лыблақәа тапанчахеит, ишынҭыҟьҟьа
ра иҟалеит. «Ари ара дызгылозеи, ари амӡышәа, ари
амри!» – дыҩныҵәаашеит уи. Иаргьы иԥсгатәы иман
дыҭҟьеит, агәашәахь ихы рханы, аха ани лаԥысшьаз
иҟазиз: икалмыжьыцкәа илкыз афырмахьц тары ҩынтәхынтә убас иҟәаҟәа иақәлыршәеит, ашьҭақәа мызкы
ианыҵуамызт. Убас ихьит, аха дымҵәыуеит, исықәнагон
ҳәа. Иаҳәшьцәа ԥхарсны уи ашҭа илыман данҭаз, иара
иҽыԥхьакны, лара лтәқәа дрыбжьыԥшны дахьырзыԥш
уаз чарҳәаран ҳәа иԥхьаӡеит.
Иаҳәшьцәа, абасҟатәи лапҟьа ахьраахаз рхьаауа,
рылабжышқәа ҭыҩры, хара имцакәа изыԥшын. Иаразнак
иааикәшан, игәыдкыларҭа рибамҭо дгәыдыркылон. Нас
дрыгәҭылак рыҩныҟа рҿынархеит.
Иара иахьиқәшәаз акәӡамызт иахьихьуаз, ачарҳәара
ууит ҳәа зҳәоз игәы акәын.
15. 12. 2013
АСТОЛ ИАХАТӘАЗ
Астол иахатәаз дагьырхамҵгылеит, шәтәа ҳәагьы
реимҳәеит. Гәыӡба иаб агәылацәа рыԥҳа хәыҷы Хәыхәа
ахааҵа азы данааилакгьы, дылхаҵгылоит. (Урҭ еснагь
ахааҵа аныжьра рхашҭуеит. Уи ахьырхашҭуа бзиан, есымша Хәыхәа дибон. Уи дшыԥхашьоз игәаԥхон.) Ииашоуп,
зынӡа дгыломызт, аха дзықәтәаз асқам иҽааҟәихуан.
Ари дагьрыхәамԥшит, аӡәгьы дыҩнамлаӡазшәа. Иблақәа
ус иааԥшуан, зыхәда ԥырҟаз аԥсаҭатә аиԥш. Иара усгьы, ауадаҿ, иара дзықәтәаз, зкыдиааларҭа ишьҭахьала
ихыҳәҳәоз аҟәардә ада акгьы гыламызт. Гәыӡба иараз
нак дигәамԥхеит убри аҟәардәзаҵә иқәтәаз, астол иаха
тәаз. Макьана кьыс змамыз ихахәы ԥхьаҳәан, иӡыӷқәа
ԥажә-ԥажәӡа, иԥынҵа иҵач иҟаз иԥаҵеиқәаҵәақәа –
иӷәӷәамҭаҵәҟьа дықәуп уи. Гәыӡба иаб еснагь иҳәалон,
иара ихаан, аамсҭа ҟәазк, знык ала қыжәк ифон ҳәа.
Ари имазар ҩбагьы ифар ҟалап, игәы иаанагеит Гәыӡба.
Иаб иашьеиҵбы Гамасасеи иареи еиқәԥар ириааирыдашь. Ҳәара аҭахым, Гамасаса даиааиуеит. Имаана,
ишьапҿаршә ҟаиҵар, зныкҟьарагьы дааигом.
– Сышәзыӡырҩуеит... – иҳәеит уи, Гәыӡба иаби иареи злаҩналаз ашәахь изхара даныԥшы. Уантәи аҽаӡәы,
аҽа шьоукы, дызхаҵгылашаз ааиуеит ҳәа дыԥшызшәа.
Гәыӡба маҷкгьы дааҭрысит. Аԥсышәан ииҳәоз, иаҳәазгьы
иаҳаит, аха иара убасҟак убри данымаалозшәа ибеит.
Иахаз абжьы иара итәӡамшәа, ицынхәрас иҩныҵҟа аӡәы
дҭатәаны иҳәозшәа иҟан. Иара убрыгьы ари иҽицәӡаны,
иҿы анааихихуаз дахьӡаны иҳәозшәа. Уи уа дҭакны димазар акәхап.
Гәыӡба иаразнак дхьаҳәын, иаб днеизыԥшит. Иаб
астол аҿы дааӡаанӡа даагылт. Гәыӡба иикыз инапы ааи
михын, уахь днаскьеит. Уи иибахьоу иакәӡамызт. Харак
идны дааизшәа акәын астол анаӡараҿы змахәҿақәа
ықәрыӷәӷәа итәаз иахь дшыԥшуаз. Уи уажәы аӡәгьы
дихәаԥшӡомызт. Абни иҿы иҭшәаз ажәагьы, машәыршәа

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аӡыжь - 05
- Büleklär
- Аӡыжь - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3482Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3383Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3460Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3431Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20980.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3450Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3406Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3287Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3413Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3424Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аӡыжь - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2837Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.